text
stringlengths
0
400
Арахь исымбеит, — иҳәеит Нарџьхьоу.
Ҳазгарц азы иааз, имашьына ҳлақәыртәан Ԥсоу аҟынӡа ҳнеигеит, уа амашьына ҳашҭыҵыз еиԥш, аӡә дааҳадгылан Шәаԥсуоума?
Амилициа ахь арзаҳал аӡәгьы иалеиҵом, шаҳаҭра аура мап ацәыркуеит.
Убри ауп исзеилымкаауа.
Уи ашәа Сасрыҟәа иабхәаара Аиргьаа раҳҭыԥҳәыс алаҳәараҿы напыла алу ыргьежьуа ахәыӡ аныллаго илҳәоит.
Шьыжьыбзиа, мшыбзиа, хәлыбзиа уҳәама, бзиара убааит ҳәа акәын аҭак шыҟарҵоз.
Ахәыҷқәа машәыр рмыхьааит схынҳәаанӡа иҳәан, идәылҵымҭаз дааҳалаԥшит илахь еиқәшьшьы.
Иахьа ҳзеизаз, аҩызцәа, ҳагәҭыхақәа неибаҳҳәап, ҳқыҭа иагу, иабзоу ҳалацәажәап ҳәа ауп, — иҳәеит Сҭеԥан.
Аҟәантәи инашьҭыз иара аҩызцәа амашьынақәагьы иаргьы, ашьыжь иубар иузымдыруа акәын ишыҟаз, убасҟак аҳәынҵәа ргәыдҭәалан шаҟа аӡҭатәақәа ирҭысыз, шаҟа жра ирҭаҳаз здырхуада, аха иааҟәымҵӡакәаны ныҟәаран изҿыз.
Аусеилыргара иалгеит
Арҵәыга амцхә арҭазаап
Мамзар аҳәынҭқарра урҭ аанкыланы рҭакра иазрыцҳаӡамызт.
Усҟан аҷкәынцәа убас рыԥсахы еибакуан, игәаа уан, аха иаргьы ус аламала рнапы иламлозар акәхарын, рхы-рҿы ишгәааз андырԥшуан акәымзар, арахь ажәак рҿыҵдыршәомызт.
Азныказ иҿаҳадагәаз нышәынҭрак иеиԥшитәит.
Иҟаз ибагәышьеит, аха ииҳәоз.
Ус ахьча аҳ иҿы данлеи, ажәлар еизаны иқәгылоуп.
Мап иамаҳазаап, Иччахуан еиҭа, Аччаԥшь убас Еиқәаҵәан ҳаӷеиҭа
Уара узыргәамҵуа сыздырам, аха сара сзыргәамҵуа ҳӡоуп.
Иара ацҳа абжара днеиуаны даанҿасын аӡы дынӡааԥшылеит.
Шықәсыки ҩымзи рхабар ҳаздырӡомызт, ҳара ҳхабар дара ишырзымдыруаз еиԥш.
Аҩсҭаахә дсылахазшәа, еиҭагьы сылаԥш иааҵагылеит зхы лахаз Қырҭтәылаа рбираҟ.
Уаабзиахар, дырҩагьых ҳнабжьысып
Арахь Алҵыкә дмааит.
Даҭикәа идырит Софинараа рыҩны ахьгылаз аҭыԥ.
Уигьы ҷыжь-мыжь амырҳәакәа иаасыртын, абарҵахь схы насырхеит.
Агәар иахынҭалаз жәеиқәаҵәаки ҩыжә-еиқәаки ҭыргеит.
Аҩны ашә инылагылаз, Алма ишьҭаланы уахь аныҩналара рзымгаӷәуашәа иааԥшит.
Ажәлар ргәаҿы аанхара ауаҩхшара зегьы ираҭәашьаӡам.
Игәышԥы иаԥхьаҟа иргыла, ицәажәашьа сара сыда дыҟам ҳәа аанагоз ауаҩ, иаалырҟьаны иоураҵәҟьа еиҵалеит.
Иҿыцу ацҳакнаҳа, иажәыз ацҳа аҭыԥаҿы ишьақәыргылахоит, ҳәа алкаа ҟаиҵеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.
Утәа, узыԥшуи, иаԥҵала уҩныргыларақәа бжьык саҳауеит иахьабалакынтә.
Ҩаԥхьа ҳхынҳәын, ҳшьамхнышгылеит, аха усгьы ҳидимкылеит.
Изқәылаз аурымқәа реиҳараҩӡак ҭадырхахьан, зыԥсы ҭаны уаҟа иаанрыжьыз жәаҩык раҟара цәгьаԥсышьала иҭахараны иҟазаарын, рхы агарҭа рымамкәа убри аамҭаз аибарҳәҳәара иаҿын.
Ашьаҟарс иадкнаҳалаз абираҟ мчык иалаҟазшәа лыбла ианаахгыла нахыс, аԥхьатәи лыгәҭынчымра зыхҟьоз аалхашҭын, амҩаҿ еизоз реибакеибашьҭра дналахәхеит.
Ԥхыӡхап, схықәхал ӡиаск сызмыруа, еиқәҵаны саатәап уи ахықәан сара амца.
Анхәа лыбз, анхәа лыбз!
Аҵх ҵәца лҽалак ддәылымҵи, Маршьанаа раҳәшьаԥҳа дымшуп.
Еилаарцыруа аҵх иагәылԥхоз ахьтәы фаетон днадыххылан, аҭаца лшьапқәа данынарыхәаԥш ихәы-ижьы ҩеилагылеит.
Уи иуирдырӡом ахаан акала, игәы иалоу, ма дзеигәырӷьо
Уахәаԥш Ленин ишырзиҳәаз
Сара схы сыхьуашәа збоит, сԥсы сшьароуп.
Ацәқәырԥ хагақәа Ржакьақәа рсоит, ажәҩангьы хыхьынтә Ахьы канаԥсоит.
Сара иуасҳәахьан
Атекст аҿы еицылоит Сасрыҟәа ихаҿсахьа иадҳәалоу еиуеиԥшым асиужетқәеи амотивқәеи
Убри нахыс Ҳалыл иԥҳәыси иареи рашҭа иҭымҵзаап.
Зегьы каххаа ицәан.
Хәыҷи-дуи ҳаилаҭырраҿ, са сааԥсаҵәҟьеит уамашәа
Арԥшқага абажәгеи?
Иҩызцәа рхы-ргәы зегьы акәашацәа рахь ишыҟаз ангәеиҭа, имҳәа-мырза днарылҵын, маҷ-маҷ днаскьо, аԥшьҩык иҽырзааигәатәны, ачықь хырффа иҽналакны, насҭха дааҭгылт.
Аԥсуа аԥсуара дныҟәнагароуп.
Уара азин узҭада асалам шәҟәқәа рыҩреи риуреи, ушақәиҭым узымдырӡеи?
Ауха даалаган абри аҳ убыс иҟаиҵеит ари уажәшьҭа иарбанзаалакгьы, ыҟами, хьаҳәа-ԥаҳәа амамкәаны, ииҳәаз зегь наигӡеит ари шьҭа диааит, избан нас абри амал абжа ииҭар акәын
Аҟәараӷ ихашәаз данахәыр, ибла акакаҷ ныҵашәеит асолдаҭ хәыҷ.
Бара баагылишь, џьыбышьҭ, сахьгәаҟуа ак сҳәоит, иналаҽԥнылҳәеит лыԥҳа.
Ишәасҳәозеи, ажәлар шәыххьзгеит, уанцәажәо уажәа убас ихацуркыр, еиҳа уарԥшӡоит ҳәа иԥхьаӡаны ауп арҭ ажәақәа рыла дзалагазгьы, уаныҩагылалак амҩа ушану агәадыҳәа лахьхьи улкылсуеит.
Сасрыҟәа данысабиӡаз, Аинар-жьи арыҭәа дыбжьакны даниӡрыжәуаз, арыҭәа ацҭыԥ ӡрыжәымкәа иаанхеит.
Иаҳагьы иааирҭынчырц, даақәгылеит Адлеиба Борис Виктор-иԥа.
Аџьыкахыш ҵыӡәӡәааны, аџьыкӡырӡ цәырцаны ахәра ҿаҳмыӡәӡәааи
Ҳаамҭоуп исгәалазыршәаз.
Урҭ араҟа амырхәага, иаргәыбзыӷуеит ашьыжь заа.
Хыбрак сахаануп, аҳәышәҭеиԥш, аҿырҳәы аҵаҟа мцоуп.
Лара иҵегьгьы иццакыр шылҭахызгьы рышьҭахьҟа лҽаанлырхон, ажәырқь аазыхдыргоз, асышьҭыҵ-ҭыԥқәа рҟны иааԥшуаз аҳаскьын иаҵәара аанырмыжьырц.
Дадаҳ, иуҳәаз саргьы сақәшаҳаҭым.
Сымҩа снеин сеиҭанангылар, иага гха снарыхҟьашап
Рыхәра ӷьаанӡа, хыма-ԥсыма ҩаԥхьа аҭабиахь ихынҳәуеит!
Илаҿиҭыргьы башахон.
Нас уа ҩыџьа-хҩы аруаа ицны ишиашаз изышьҭаз иҩны инеины дрыманы ицон.
Аҭаҳмада иажәа аахнажәеит Прудников иҭаҷкәым.
Иаа, зегьы зымчу Аллаҳ Дуӡӡа, унапы ҳануп, уаҳхылаԥш, ҳахьумырхәын ҳазлагаз!
Даԥхьеит Ҷнагә.
Ар рмашьына дуқәа еицрыԥссы урҭ ирышьҭан.
Бҭамлан, иаӷьуп, ихьшәашәоуп, бегьзыруам
Дҵааит Тыӡыр.
Ажәҩан еихәлашьшьыра иалышәшәаны, еилаҩеиласуа, иԥаҟьа-ԥаҟьаӡа илеиуан, еихсыӷьрак амаӡамкәа.
Ҳколнхараҿы иахьа уахь иқәдыргылартә ирымада, — иҳәеит саб, иҭаҭын амца аркуа.
Ҳаиқәшәақәеит
Ак шәасҳәашан, иҟои, ари адгьыл азы азакәан ҿыц шәышԥахәаԥшуеи шәара?
Иаҳхысыз ашықәс азыҳәан ҳара ҳахаанхеит жәибжь шықәса раан ҳажәлар зхаанхаз, излаԥшыз, ирхыргаз
Ҳааит, шәанаџьалбеит, Аҟәагьы ахьы ҭоуп ахьырҳәо аҭыԥ хазынаҿы, ҳшьам дгьылаҿы!
Машәыр рмыхькәа иҟоу?
Иуқәырҵаргьы
Ирацәазар акәхап акәанызарақәа, алакҩакрақәа, аилымкаарақәа.
Илыӡәӡәон-илкәабон лхәыҷқәа.
Иажәақәа нҵәомызт.
Иҽыԥхьеикуеит.
Расмаг харас иудиҵазеи уҳәынҭқар?
Уи аус, қәыџьма лаԥсшәа ажәлар дрылагьежьны, еиҿызкаауази сабдуи аиҩызара рыбжьазаарын, еизааигәан.
Ақалақьтә комитет аҿы данааи, ахыбра ԥыҭ-ҩык адизалахьан.
Леон иаразнак идырит ари иара иибахьоу кәацк ишажәлантәымыз, игәгьы ааҭрысит.
Акрыжәбома ма ижәымбома ишәхароу?
Бзиоуп, нас, сара уахь сцоит, дыццакит иара.
Аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи аԥсуа драмтеатри рҿы.
Аџьармыкьахь.
Абасала, иахьа аурыс бызшәа абызшәа дуӡӡақәа ируакны, Урыстәыла акәым, Урыстәыла анҭыҵгьы, ԥыхьа Асовет Еидгыла иахьаҵанакуаз, иахьагьы аус ауа иҟоуп жәларбжьаратәи бызшәоуп.
Мап, дныҩныхәааит Ԥшьҟан.
Радоу дындәылҵырц лҭахын.
Уаҟа аԥсуаа рылашәар ибаандаҩыртәуеит, рнапқәа анаручникқәа ахаҵаны атурбаза ашҭахь иҭаргалоит.
Акраамҭаӡа еицәажәон ари ауха урҭ.
Зны-зынла иҳахьло умдыруеи, ус ҟамларцазы уаннеилак рыҩқәа гәаҭ.
Убасҟан ашә аартны арҵаҩцәа руада иаалагылеит Баҭали Қәасаџьи.