text
stringlengths
0
400
Арахь дыӡҟуп, уажәоуп даниз.
Ус сзумун, Кациҳабла сцаны аара мышкы аҭахуп
Нара лҩызцәа рахь дыҩит.
Амшә абаҟоу?
Лыӡӷаб заҵәы лзы мши-ҵхи иргәылалҳәоз амыткәма, уажәы Ҳараз изыҳәан аҳәара далагеит.
Итҟәаны ибгон?
Иахьа Леселиӡе аагараны ҳаҟоуп, — иҳәеит.
Сеиқәышлаҳәа сахьгылоу ԥааимбарҵас, срызхәыцуеит шәымҭқақәак рнашана.
Итәаны ирымбаз дгыланы ихы дирбон ҳәа, акы ыҟаӡамкәа шәнапала аибашьра хацшәыркуама, шәанаџьалбеит!
Нас ашәхымс дынхыҵит.
Нас дабаҟоу уажәы Сеилаҳ?
Уи ақалақь ахь дцеижьҭеи ԥыҭрак ааҵуан.
Абраҟа Асҭамыр иоуит ахәра ӷәӷәа.
Абыржәоуп ашьхақәа ианырхысуа уашәақәа рацәаны, ихааӡа.
Ҳара ҳқыҭаҿы сынтәа ааԥынразтәи алаҵара акыргьы ишьақәырцалахьеит.
Амра иақәым ҭашәара
Аҭоурых хҭысқәа зырццакырц игәаҟуаз ақырҭуа ҿыц еилазаарақәа рҿагылара асовет республика аиҳабыра ацәшәон иахьцалак, избанзар ажәлар ҩышьҭырхыр аҳәынҭқарра хдырбгаларц рҽазыркуан, анапхгара рполитикатә ԥсҭазаара ҿаԥҵәон, даҽа шьақәгылазаашьак цәырҵуан, уи иахагылашаз ҿыц уаахон.
Иҳаҩсхьоу амшқәа рахьтә акы ари асахьа еилыргыны иаанарԥшуеит.
Шьаҳан урҭ уаҩы ишимбац ала дреигәырӷьеит, уажәы-уажәы дрывагьежьуа дрыхәаԥшуан, иҟаиҵара дақәшәомызт.
Дыҟазар ииасхьоу
Аҩгьы ҳаԥшаап, сара исымамзаргьы, сааиҿагылеит агәашә дҭамлартә.
Ажәеинраала Амч дуӡӡа
Исгәалашәт аҳаскьын еиҵәара ааԥын иагәыҵак ишаанагаз, уи аҳаҭыраз аҳаскьын ҟатара снапы нахьысшьит, абзиараз узбаз!
Избан, нас, ҳазрабашьра, мап ацәызкыз аԥсҭазаара?!
Иҿаҳәоуп!
Шьасиа ааит аанрго лхы аарҵысны амедеҳәшьа дналыдтәалоит.
Амшқәа рыԥштәы рхыгга иҟан.
Аха исҭахым ас ҳнеивыслар ҳара уаҳа, уаҳа
Ушԥаихәаԥшуа иахьа анхаҩы?
Аҟәеи Уачамчыреи ҿыц аа-нызқьҩык инареиҳаны адесант ӡхыргеит.
Абри аан ихадароу аҭыԥ ааннакылоит ахатәы бызшәеи аԥсуа ҭоурыхи рдырра, уи заҟа рыԥсы иахало аҟара рыԥсадгьылгьы агәбылра днаркуеит, рмилаҭ ԥеиԥшгьы иазнархәыцуа иҟанаҵоит.
Аԥшәма дыҟамызт, аԥшәма апартиа далан, ақыҭсовет хантәаҩыс даман.
Саҭамзааит, аха убра уҩеины урылаԥшны иубахьоума?
Абра далгар, ҩыраки ҳасабраки иҵап, уи џьара инаихәап ҳәа ргәы иаанагон.
Автобус уақәтәаны Ахьтәыҟәара аҿынӡа уцар акәын.
Аусқәа мариамызт, џьанаҭҟа игамызт уи амҩа сызқәыз.
Абар, дырҩегьх сааигәа бтәоуп, абар, дырҩегьх сашәа ҳәоуп.
Аԥсра акәым, мап, аԥсра акәым игәынгатәу, аргама зыӡбахә цәырган иҳәатәу.
Насҭхашәа иҳәуеит аидара злааргаз амахҽ бӷеимҿаԥа.
Вика иаразнак ашә ныдҵаны ацаԥха нҭарҵәи-нҭарҵәины иалыркуеит.
Зныкыршәа, акиҳәа ибжьы еиҭаиргахын, дахьынаҳәы-ааҳәуа умбаӡо, ишьапқәа улаԥш рхьымӡо, ихәаԥшуаз дырҿаԥшуа, дрыхәаччо, дԥырӡеит.
Ибзианы исгәалашәоит, аҵх иалхәхәа ԥсаатәк аҿыҭыбжьы ааҩит.
Ҿиҭит Алиас.
Ишсашәҳәара, шәхаҵкы, араҟоума аныҳәа мҩаԥысраны иахьыҟоу?
Убригь еилкаатәу, анализ ззутәу зҵаароуп, аха иахьа уажәраанӡагьы ус иҟоуп.
Шьыта ихазшәа.
Аиҽырбацәа аҭыԥҳа ԥшӡа рылымкаа дышсызҿлымҳазгьы рбахьан, иагьаасыҵашьыцхьан, уимоу уажәы-уажә ҳалаԥшқәа анааиқәшәалак, рлакыҵақәа хааӡамкәа снарҿаԥшуан, ҳара амаана здыруа ҳтәамызҭгьы, уԥхашьаԥхаҵара ахала аус ауазҭгьы умбарыз рҳәарашәа.
Уажәраанӡа игәыбзыӷӡа иҟаз Мышәқьар иаразнак аҟазшьа ааԥсахит
Ацабылрача, ахьшь, аӡыцәа, аԥшҳарыгә, ажәардәына, абаӷыр, нас аҵларкәыкә.
Усҟан, аҳәажә еиԥш, абна улыҩрны Қырҭтәылаҟа удәықәлозар акәхап!
Ҳҭоурых амдырроуп аҭоурыхтә ҩымҭақәа рмаҷӡара зыхҟьазгьы.
Виктор Шкловски, Георги Мдивани, Мате Залкеи ррекомендациақәа рыла.
Арагтәи ибомызт, аха идыруан, акатерқәа рбаӷәаза ааигәара аишәа хәыҷқәа ирхатәоу аҭаҳмадацәа ашахмат фигурақәа шықәдыргылахьоу, иҟалап, аахәмаррагьы иалагахьазар.
Сыԥҳагьы дигот, саргьы сишьуеит, дисҭот абааԥсы, шәнеины шәиацәажәа, дысҟәышәх, аӡӷаб дышьны дышԥеифари, иаргьы даамсҭоуп, — иҳәеит.
Лашарак имырбо, дҿаа-ҿаауа ахәыҷы дҭакны дрыман
Арысҭоуара, Аԥшаҳәасҭара шынеибакугьы дахьазымдыруаз, дахьнанамгацыз, инапыхьараџь асаргәыҵаҵәҟьа иаҟарахашагь дгьылҽыҭкәамҟьарак узыԥшаарымызт.
Ирылшагәышьозар акаԥаа, арота цҟьаны, ақалақь иалалар акәын, агаҿа иаваршәны, агарнизон иажәлоз ирыцхраарц.
Сара исҭахуп ҳаицәажәара иацаҳҵарц, избоит иаргьы уи дшазыхиоу.
Ашьхарахь авертолиотқәа халан алахысра иалагеит.
Убри аҽныҵәҟьа ҵәымӷқәак ԥшааны, еикәаӷак ижәҩахыр инықәк икны, дцеит аҷкәын ацҳахь.
Иара убри оуп абри ажәабжьгьы зхысҳәааз.
Мышкы хынтә икәабон.
Уеиха, скәатата, амш макьана акрыҟоуп
Ацәаԥҽыгақәа
Ан лыԥҳа лхыза ныԥхьалыршәҭын, длыцхрааны дҩалыргылеит.
Уи агәаҭара алыҵшәа сара исыздыруам, агазеҭгьы џьара ианны исымбеит, иҟалап аредакциахь инеиз ашшыԥхьыӡ гәаӷшақә иҩызҭгьы.
Диваргыланы дааигон Мадина.
Насгьы иара иахь бызлаирхынҳәыша ажәақәак имҳәакәангьы дҟаларымызт.
Иаҳзаарышьҭыз аргылара маҭәахәқәа рхаҭабзиара даараӡа исгәаԥхоит.
Уи ҭауади-аамысҭацәеи хьыӡиртәуазу?
Хәымса ихәра ҿыцны иҿеиҳәеит.
Уигьы шыҟалаз убас акын.
Андриа убас еиԥш иҟаз ахәыцрақәа гәаӷьны иахьцәыригаз мацара ихы еиҳа ҳаҭыр ақәиҵеит.
Абжьааԥны игәы иахәашагьы иамыхәашагьы аниаҳауаз иаразнак аԥырқьҳәа амца зыцранаҵоз, иара уажәгьы бааԥсыла игәы еибафо дшыҟазгьы, акала инмырԥшкәа, иҽырҭынчшәа аӡырҩра даҿын.
Қчачаа шәыжәла иагьнымҵәааит, иагьымҿиааит!
Бзиала, ахақәиҭра зхы ақәызҵаз аԥҳәыс бнышәынҭра, бзиала, Раԥсҭан хәыҷы.
Итәоит аицтәара
Бзыршәозеи, Шьарда!
Ҩынтә еиқәырццакны ахысыбжьқәа гоит.
Иааԥсаз иҽы еиҳагьы ирццакуан.
Урыстәыла, жәаҳәара иазхиоуп иахәҭоу акапитал азоужьра.
Иахьа иҟаҵатәу уаҵәахьы иахумган.
Киев акәш Фастов иназааигәаны аибашьра ду ыҟоуп.
Амала думыргәаар.
Зегьы рҽырыԥсахуеит, зегьы-зегь ахаан ус иҟазшәа, иазыԥшуп Анцәа Иажәа!
Уажәгьы ӡык ижәырц иаҵәца аашьҭыхны акрант шыҟоу иҿынеихон еиԥш, чхьырԥ-чхьырԥ ҳәа ишьҭаҳәазо иааиуаз ашьапышьҭыбжьқәа ааиаҳаит.
Аҩныҟа сҽыжәлан сахьцоз схәыцуан ахьтәы џьар ахьтәы ҵӷа аҭаны иабасыԥшаари ҳәа.
Еиликааит иара, иахьа уажәраанӡа аӡәгьы ихы иадимҵац, Саида иҟасҵоит ҳәа дшадымгылоз.
Уара иуасымҳәар изасҳәода, сусқәа маҷк иҽеим.
Аҭӡыбжьара дыбжьан, аординатор уада егьи аҵыхәан иҟан, убранӡа инеира мчымхаран.
Уажәнатә илԥшнын.
Узыргәамҵи, иҟалеи ҳәа, ахышәахьтә исыргеит сыбжьы.
Аказакцәеи ачерқьесцәеи аиӷарара ахаҭыԥан, аиуара рыбжьалеит, еинаалан анхара иалагеит, убри аҟара еизааигәахеит ачерқьесцәа рцәашәҵатә маҭәа аказакцәа иргәаԥханы цәашәҵатәыс ишьҭырхит.
Арҿиамҭа еихыкка-еиҵыкка аҵак ду змоу романуп, формалагьы оумашәа иԥшӡаны еибыҭоуп, аԥхьаҩгьы идырра еихазҳауа, илаԥшҳәаа зырҭбаауа, игәеилгара зырҵаруа ак акәны иҟоуп.
Ус иҟазаргьы, аҩны аԥшаара иҽадимырхылеит.
Даҭикәа, иаԥхьа иқәыз аџьыка еилатата, реиҳа иҟәашыз цыраԥшьыркцак аалихын, иҿы иааҭаиршәит.
Амырҭаҭратә мифологиа ӷәӷәала ианыԥшит ажәытәӡатәи ауаа рдунеиқәыԥшылара аҷыдарақәа.
Шәаб дандырӡ, ҳаҩны уаанӡа иахьеи уахеи иагмыз ҳҩызцәа, ҳҭынхацәа бжеиҳараҩык ҳацәхьаҵит.
Иҟоуп, исгәалашәарцгьы исҭахыҵәҟьам, рҽхәаражәак уи шьҭа сгәы азцом.
Ахьҭа-цәгьа, асыҭәҳәа, нас аԥшаҩа, алаӷырӡ, агәаҟра, нас агәырҩа,Иԥышәауа ҳнеиуан, ҳамч еизакын, аиааира ҳашьҭан, аиааира ҳҭахын.