text
stringlengths
0
400
Ԥаса рхыԥхьаӡара аӡәы дагхар, даапкуан, дхагахон, иҿы иааҭашәоз рықәиҳәацәон
Уи уара иалудыраауеи?
Аԥсуа ҭауади-аамсҭеи рыҷкәынцәа анхацәа ааӡатәыс ирырҭоит.
Ҳаизыӡырҩып апоет
Уара иарцәаны иузҭеиҵазар акәхап, уажәыгь акрыфара уаҿуп.
Аԥсуа жәлар рҵаси ркультуреи реиқәырхара иазкны, абыргцәа реилазаара аинициативала, ааигәа Жәлар Реизараҿы иҟан адепутатцәа ргәыԥ аилатәара.
Иабаҟоу сашьеи саҳәшьцәеи?
Адгьыл сықәымшәеит арыц еиԥш, машәыршәа, ажәҩан салшәан.
Апипиарҳәаҩцәагьы ак румҭақәа апипиарҳәара иаҟәыҵуамызт, хҩы-хҩыла еицарҳәо иныҟәон.
Ус акәхозар, аурыс салдаҭ, анемеццәа ҳпартизанцәа абна иахьамаз аганахь игеит, уаҳа даҽа мҩак имамызт!
Избоит, срахәыц-па иахьынҳалеит, аԥсқәа сахьцо изгарц рҭахуп.
Аԥсаа ирҿысҵааз ашәоуп исҳәо, исаҳахьаназ уа мгәарҭа.
Аԥхӡы каҭәо снеиуеит, иаасрыхуа сҽаҩра, ишеибакәу саҿуп уца аҭаԥсара.
Анду лмаҭа даангылар цәгьа илбомызт, аха иҩызцәа раҳаҭыраз дрыццон.
Иҭабгазшәа сыҟоуп сыцҳа, ишьоуп адгьыл, уи егьшьам
Ааи, уан дукәхшоуп, — лҳәеит уи амажәа хшла ишыкәаҳамызгьы.
Жәылароуп анырҳәа, иара иаԥхьа аӡә дцар ҳәа дшәон, иара иаԥхьа аӷа иҟынӡа аӡәы ихы наӡар ҳәа дшәон, иара иҭахын урҭ зегьы аӡәаӡәала иԥсы иаҵеиҵар
Уара ҳауԥырхагам.
Шьыжьымзи, индиатәи акиносахьа шцозгьы, акинотеатр Аԥсны акассақәа ауаа адибагәаланы иҟаӡамызт.
Хаҵеи ԥҳәыси шаӷьуа срықәшәар, убасҟангьы сгәы нҭыԥсаахуеит.
Уи асас пату иқәҵара иатәуп.
Мышқәак рышьҭахь иӡбахоит ҳлахьынҵа ҳаанхоу, мапу.
Уахьышьҭоу уҩамгылааит, ламысыс иумоу аҳа!
Ашәҟәы ныркылеит.
Ларгьы, лыбла хаақәа, иӡыҭхьаз лхаҿы аԥшӡара дмырӡырц, иагәылԥхаауан.
Аԥсҳа идыруан ижәлар рыԥсырҭа ахьыҟаз, дахӡыӡон, иҵәахуан, уи илшон рлахьынҵа заанаҵ адырра, ашәарҭа рацәыхьчара.
Бзиагь ҟамҵакәа, нас, уи ашьҭахь!
Урҭ апатретқәа макьана иҟасымҵацт.
Ирласны идырхиаз ачеиџьыка, ашьҭахь сасгьы ԥшәымагьы рнапқәа ӡык нархьыршаны аишәа инеицахатәеит.
Ус иагьыҟан, аха Марҭа Аԥсныаҟа дышцаз, арҭ ԥхыӡ ирбаргьы ихарҵо ҳәа иҟамызт.
Даагәынқьит Зафас.
Сԥырсалын ацәқәырԥ иаҿыхоз, шьхақәцәак акырӡа сеиҳан.
Уи зҭоу ргәы даҽаӡәы аҽиманадахьазааит аҭахызар, аха иара ахьҭац иҭоуп, аҩынԥҳәыс зегьы идылмырбо лмаҭәар ахәыҷы-мыҷқәа ахьыԥхьалкуа, зцаԥха лку ашәындыҟәра алымҳаҿеиԥш ргәаҵаҿы иԥхьакны иҭоуп.
Дналагеит иажәабжь инеиқәҵа-неиқәырҭәо.
Узхааным ахәроуп иухьаауа ӷәӷәа, ихәыз еиҳагьы уа иузҭо ааха.
Урҭ рҿакәын даргьы ҽыҵәахырҭас иахьрымаз.
Уи лкалҭ заҟа иауу аҟара, лыхшыҩ кьаҿуп.
Гәыӷрак умам арҭ зегь рыла, ужәлар маҷхеит, еиҩшахеит.
Дышцоз қьала еиқәылашьцак днадгылт.
Амилаҭ ирчымазарахеит ари.
Лымкаалагьы аизгақәа Аԥхын, Ажәеи еидыркыло алирикатә жәеинраалақәа рҿы аԥсҭазааразгьы, алитературазгьы ижәытәӡоу акыр зҵаара дуқәа ҿатәла, иҿатәу хәыцрала, лаԥшҳәаала, дунеихәаԥшышьала ирҵауланы иаарԥшуп.
Иҟалазеи, уахык ала рызегьы неиқәынҵәа ишԥацеи, ҳәа аԥсра зыхьыз еиԥш инапқәа игәыҵаԥса дырхагыланы дышрыхәаԥшуаз иааигәалашәеит, ахәылбыҽха аҳақьым еҳәшьа Назира дхара-хаԥшуа, дцәырҟьа-цәырасуа алақәа рхәы ахьышьҭаз давысны дышцоз.
Убри абӷа абаҩлаша ауп хәшәыс имоу уабхәа.
Уаҟа акыр шықәса аус иухьан еиԥш, дҭалоит Ленинградтәи Азанааҭеидгылатә иреиҳаӡоу ашкол, аха аҩбатәи акурс аҟны дыштәаз ашьҭахь иҵара даҽа занааҭк ахь ииаигаразы диасуеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет ашҟа.
Ианбанӡа, ҳаҩны анеилаҳалакь ашьҭахьу?
Ари, ҳәарада, ахаҵара иацырҟьо, агәымшәара аазырԥшуа, насгьы ахы инаркны аҵыхәанӡа патриотизмла иҩычоу хаҭашьатә ҟазшьан.
Малс адунеи аҿы иҟоу зегь иреиӷьу, ишәарҭам аҭынчроуп жәлар рзы.
Ус, Жәыжәгьы дарыԥсхеит.
Ааигәахәит иара игәы ԥшаауа, игәалаҟара бжьысыр иҭахымызт.
Абриаҟара зысҳәо, Ермантәыла аҳәынҭқар иитҟәаз Аԥсҳа ҳаҭыр ду иқәҵаны иаҳҭынрахьы днеиԥхьеит.
Рхәыҷқәа аԥсуаа реиԥшҵәҟьа ицқьаны аԥсшәа рҳәон.
Даҽазныкгьы Ҳазшаз иԥишәома изныкымкәа ашьаӡа-гәаӡа згәыҵзыршахьоу, мацәазк атәарҭа-зтәарҭоу, аԥсуажәлар Анцәа иҳаҭәеишьаз адгьыл хәыҷы?
Исҭахым, исҭахым, исҭахым!
Аԥсуа Ҳәынҭқарра атерриториатә акзаара ашьақәырӷәӷәареи Аԥсны адунеи аҳәынҭқарра дуқәа ируаку Урыстәыла ахьазханаҵази роуп.
Ӡара змам, хы зхагылоу
Иахьа уназвысуа, уаҵәы инауҿагылоит уеиланарҳәынҷарц, уеилеикәадырҳәырц, дара ишырҭаху рнапқәа науларԥаҵны уоурмышьҭыртә еиԥш.
Аамҭа раутәу?
Рышьҭахьҟа ирхыкәшазгьы адырра роуит икылкааны ахысра азин шыҟалаз.
Ахатәгәаԥхаратә ансамбыльқәа рымацара ракәым, аҳәынҭқарратә ансамбль арепертуаргьы иалагаланы ирҳәоит, лассы-лассы аԥсуа радиои ателехәаԥшреи рыпрограммақәагьы ирыларҵоит, азыӡырҩцәагьы гәахәарыла ирыдыркылоит.
Раԥхьа аӡӷаб даашьҭырхит.
Амла ихыҵын, ахьҭа хәыцуам.
Ишԥасҭаху уи дамоургьы дгылаҩ
Сишьҭалап, аха иарбан мҩоу дызлацаз.
Ҳаилаҳан ҳазцәылоз шьапхырҟьаҟьа, Зышьҭыбжь ҳгәаҵа иҭалоз иашәаны, Ҳазыԥшлап уажә ҳцәыҵатәан ҳлакҩакуа
Ҵабыргыҵәҟьан уи доурысын, зны иабџьар кны ҳара иҳаибашьуаз солдаҭын, аха ихатәгәаԥхарала ҳара ҳахь диасит, аублаа ҭыԥҳа дааигеит, ҳбызшәа иҵеит, ҳқьабзқәа шьҭихит.
Ус, акгьы дазымхәыцӡо, дааԥшуазар?
Аԥсҳа Гьаргь идунеихаан иԥхыӡгьы иаламшәацызт Раԥхьатәи Аԥсҳа Леон иҿаԥхьа абас аҭакҟаҵара иқәшәоит ҳәа.
Хы-жәлантәык зеиӷьаҭамыз рҭарнакцәа еицәажәон иахьа, аха дасу рхы мацара, рыжәла мацара, адәныҟа аҽраԥшра мацара акуӡан изызхуцуаз, дызусҭазаалак аӡәгьы ибарц иҭахымызт урҭ реиӷара, хама-хама реихара, џьоук ргу иахуоит ҳәа рхы ацәгьа ахәара, зҭагылазаашьа амалагьы ибааԥсыз аублаақуа раӡәыкра зынӡак ишаркуадоз.
Дымҩашьартә ҳашҟа амҩа здырыз аимҵәаҩ дҳажәлоит, абар, джьышуа.
Имариамзаргьы, схала илсхит сымҩа, сара ақаҷаагьы дысԥылеит, аҩсҭаагьы убас.
Марҭа ара дахьынӡаҟазгьы, ихатә ԥҳак леиԥш, пату лықәҵаны дибон, ҳаԥсыр анышә ҳалҭоит ҳәа длықәгәырӷьон.
Азамана, дааԥышәырччеит ларгьы, ара акаҳуа бзиа ны иҟарҵоит.
Урызхымхит џьанаҭ абаҳча ԥшӡара, ашәахәа гәабзыӷқәа зныказ иуҿаԥхаз, ашәҭ лыԥшаахқәа, ифырџьану зӡара, унага иудырбаз абчараҳ итәарҭа.
Ари иахьа хәлаанӡа ахаҳә шуеит, ишуеит, ишуеит.
Цыгәба иааҿахиҵәеит.
Лшьамхқәа дрызнымкыло, аҟәараҳәа деиҵасуан.
Абгақәа раҵкыс, ишәарҭоуп абгалаџқәа, агәашәала иҭуцаргьы, ахҵысҭала иаауеит!
Аишәа иахатәаз рхыԥхьаӡара иагхацыԥхьаӡа Кәаҵиеи Тытеи иаҳа ауаҩ илаԥш иҵашәон.
Аҽырхәан иаагылт азҵааратә.
Аибашьра ианалага дзалымҵыкәа ақырҭқәа дҭакны дрыман.
Иарма напгьы аахәыҵиган, ачавра иикыз, игәы ԥшаазар акәхап, ашьыжьтәи аӡаӡа еиԥш ихаҟәҟәалоз илаӷырӡқәа ичаврала иааирыцқьеит.
Ауха дгәаҟ-гәаҟуа, дшаҟьо аҩны даныҩназ, Саҭанеи Гәашьа дазхәыцит лычкәын хәыҷ ихьӡылҵарыз ахьӡ.
Ҳара акәультуреи, анаукеи, аҵареи ҳрыгәҭылсаны ҳазлаҟоу ала, ҳнапы иануп урҭ рырҿиаразы аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵараазгәеиҭеит Алеко Гәарамиа.
Узлоу урыҵахар укәаҳаны инаухысны ицоит
Мап, усеиԥш ҳмеицәажәаӡеит, насгьы усс ииуа заалакгьы
Усгьы иԥиҟеит, ихуеит, иҭиуеит, шьапык ԥуҟар уҭаркуа аҟынӡа, азакәан иахьчо, аа-ҵла.
Зегьы ааихьоума?
Аколнхара ахантәаҩи уареи хаха-хымш аҳәаҭра шәҭакны шәиман ҳәа иалацәажәоит, удинаныс ишҳауҳәара, ииашаҵәҟьоума уара уи?
Иахьнырыз дгьылбхьахароуп, дгьыл иаҵәароуп, дгьыл ԥшӡароуп, рымҩаныфа цәырыргароуп, инатәароуп, акрырфароуп.
Дауцәан, дкьаҿцәан, деиқәахын, зны дхышын, афыҩгьы ихышәшәахуан аџыш.
Ус ҳаштәаз, аӡнырцәынтә аӷа гранатаршәгала иааишьҭыз аснариад каҳаит ашкол аԥхьа.
Макьана уиламкьысын!
Иара убас сара схаҿы исзаагомызт ашьхаруаа рҵас ала, амчра зегьы знапаҿы иҟаз ахаҵа, аԥҳәыс лҿаԥхьа ахыларҟәра злаилшоз.
Ус ишыҟоу, чанрахь аамҭа неихьан еиԥш, еи, аԥшәма ԥҳәыс!
Ацәгьеи абзиеи узеилмыргауа уҟалама?
Абжьас иааиуазар схаҭарнакцәа.
Гәындеи сареи агәашә аҟынӡа ҳааскьанагеит Барбос.
Иузырхынҳәуам, уцәҳа, уаӷьы.
Баашьҭкәыцәаан сымԥыруази, Ашьха ахыцәқәа ҳхымԥраауази, Арҩаш дуқәа ҳрыхәамԥшуази, Нас иаҳамҳәарыз иарбан!
Ажәҵыс шкәакәа аҟазшьа даҽакуп, знык иаар ицаӡом ҳәагь рҳәоит