text
stringlengths
0
400
Аха апоезиагьы зынӡа даҟәыҵны дыҟамызт.
Уан уажәшьҭа аӡәы диҭ лыгәнаҳа ушәарц уҭахызар, — иҳәеит ахәаџьа.
Иаб, иан, хҩы иашьцәа, ҩыџьа иаҳәшьцәа, заманала иҟаз нхаҩык иҭаацәара даиуан.
Аазиз инапқәа лгәы инадырӷәӷәалан ашьышьра далагеит Қьеҭо.
Исзааихәаз ачамадан ааимхны, сҩызцәа рахь амҩа снықәлеит.
Аха ҳара абарҭқәа ҳзымдырӡоз?
Пицунда ҳаиԥырҵып, еибаҳамҳәап уаҳа акагьы, ҳусқәа шьҭа иаҳзыӡбом иахьала
Иазгәаҭамзар залшом аԥсуа жәлар ашьа каҭәаны иааргаз Аиааира ҳашәҟәыҩҩцәа зегьы рыҟны еиԥш, Платон Бебиагьы арҿиаратә гәалаҟара бзиа шинаҭаз ипоезиатә ипорзатәгьы убрахь иналаҵаны ду еибаркыраҿ адаҟьа ҿыцқәа аартра шалшаз, еиҳа ииашаны иуҳәозар, алирикатә хаҿсахьа ҿыц иҵоурамгьы убра днахыԥхьаӡалан дышцәырҵыз.
Нас уи ала сышәзымдырзар, ма абри шәаԥшла, — иҳәан Сасрыҟәа, Бзоу днақәтәеит иаразнак, аҟамчы ацынхәрас ажьаҳәа икын ирыхха.
Иарбан, абра, аҳаир мпыл аҿы еимактәыс ишәымоу?
Акык-ҩбак шԥаракәу.
Иҭабуп ҳәа сарҳәозма?
Убра ипатреҭ аагәылырхит.
Салыбеи уаха уара дзуҭаа ҽы бзиак умоуп ҳәа иаҳан азоуп, иара дзықәтәоу аҽы даара ҽы бзиак ауп, иааԥсаны иҟоуп, акәымзар убри уара иудкыланы уҽы иуҭаразы дуҳәоит, ҳара убри иҩызцәагьы даара џьшьара узаауеит, — иҳәеит.
Уи азҵаара аӡбра азин сара исымазааит схалагьы изыӡбӡом
Уабацои, Синаҭ, ухәы аасырԥхап, какалк скуеит умҳәаз!
Амш мшымзар, са сзаҵәызар
Аарла аԥацха ашыш икылыԥхон зыбла ҭаауаз ацәашьы.
Ҳчеиџьыка еилазгоз, ҳрыжәтәгьы ирхәашьуан, арахь ҳара ҳаҵашьшьы иаажәуан!
Аҵара имҵозар, иҩызцәа дҳаламҳәуазар, арахь цәгьамзар бзиа ҟаимҵозар
Ас шыҟалаз лбеит Ҳариза, иагьылдырит аӷацәа рганахь иҟалаз аӡыӡымкрақәа лара илыхьыз агха ишахҟьаз.
Иҟоуп насыԥк!
Иахьа уашәа игәыҟаҵагоу, гәдула ирхылҟьа игоит зынӡа.
Анцәа дсыманы суҳәоит, наҟ усԥырҵ!
Валентин, згәырҩа зҿы иззамырҳәоз ҩныҵҟала изыӷраланы иашьуаз дреиуан.
Еиҳарак иара ахьадырҳәоз агәаҟрақәа рыҟны акәын.
Зегьы еикәышьшьы игыланы зҽызшьыз изыԥшуан, аха аӡәымзар-аӡәы илахь еиқәымызт, аҽшьра ахьигәаӷьыз азынгьы џьшьахәыс иҟарымҵеит, иҽанишьуазгьы иара ус аӡәы дахьгылаз иҽимырҵасит.
Џьит Абҳәасамҵан ашәҭ быбыцқәа
Иԥсыз иоуп ирыцҳау.
Иаалҳәоз зегь наигӡон, лажәа ашәхымс аҟынӡагьы дахысуамызт.
Ҭынч, ччаԥшь лашак насҿықәҵаха сымҭакәа, гәырҩеи-гәырчи рышьҭа схызго даҽазны.
Аҩымҭа усгьы идууп.
Ҭауадк, аамсҭак, зҳәаз иеиԥш, аҩны раагара дук сақәшаҳаҭым.
Санаԥхьоз, Мкан ишҟагьы снаԥшуан.
Ааит, уқәынҵәааит, сымҿы згаз!
Урҭ аҽнышьыбжьон иаақәлалозар акәхарын арахь, лара леиԥш шаанӡа игыланы идәықәлозма.
Ақырҭуа массатә информациатә хархәагақәа ринформациа, Урыстәылатәи Абжьаҟазацәа Егры аӡиас ацҳа уаҳа иахысӡом ҳәа иҟарҵо адырраҭара иашаӡам.
Ус иҳәартә, изыхирҟьои?
Иахьлыхьуаз иагьақәиршәеит.
Рнапхыцқәа шәны, тыркәмыркәҳәа, иԥшӡаӡа ианырбалак.
Асы леиуама?
Уи еиԥш еиҿкааны иҩу апроза ҳаԥсуа литератураҿы даара имаҷӡоуп, уи раԥхьатәи жәцысын аԥсуа литератураҿы, аха абри аҩымҭаҿгьы иҟоуп ахатә милаҭ ус адгылара.
Уи иханаршҭит ихатә гәырҩа, уи игәы ԥшааит даҽа гәыԥшаашьак ала, иан дицәыӡыз аахыс аӡәы игәы шлызмырԥшаацыз ала
Сымаҭәақәа зегь сзаамгаӡеит, аха ачара ду аныруа
Хызаҵәха иулҟьап агәаҵәажәпақәа ирмаахаз
Сҩызагьы урҭ дышрызхәыцуаз удырратәы, аҵәца аақәхны дҩагылеит
Уи заҳаз зегьы еибарҵысны уахь амҩа иқәлеит.
Убри аан, аҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы Даур Кобахьиа ишазгәеиҭаз ала, иҟаз аҭагылазаашьа ашықәс анҵәамҭаз шьаҭанкыла иԥсахын.
Аихаҷамаҷақәа рыбжьы андырга, агәыргьы, ара сыҟоуп аҳәеит.
Ижәны афара, ишьны аагара, ихәарны ашьра, иқәланы аҭаара, иҿыхны аизгара, ицҟьаны ахахара, илаҵаны аарыхра.
Рыҩбагь ҵаҟа икаҳаит, Илкаббит ахәыжә, Ахьшь рацәа иаҿаҳаит, Иақәымӡи аԥсыжә.
Ашәырҵлақәа рымахәқәа лаҟәӡаны иӡсауеит, ҭагалара, иазҭынчраха, аблақәа ҭаауеит.
Иугәаларшәа Пушкин ду иажәақәа
Изыҟоуҵои уаҳа бзиа ибаны иааугаз, — иҳәеит Бено, ҳзеиԥш баҟа днаганы иаргьы далоусоит.
Данихгьы
Иҟалазеишь ҳәа зҽеидыԥсала исывагылаз Мураҭ имгәацәа сыҽнавырҳәҳәаны снаԥшызар, измааноу сыздыруам, акы ԥхаӡа сцәа-сжьы ааимнадеит.
Схы ацәызгарц салагеит акыргьы, аха ацәцашьас иҟои улахьынҵа?
Ирахә-ишәахә рзеихцомызт.
Ишызбоз алахь еиқәылеит сцәаҳәа, алахь еиқәылеит, ишыччоз ахьхьа.
Амҳаџьырра илзаанагаз аԥсра, аӡра, ашьа, алаӷырӡ, уаҟа дахьнанагаз лцәа-лжьы аԥҽра, абарҭ лзымхазшәа, иналзацлеит даҽакы
Иҩыҵыҩрыз алым еиԥш, исыхәаԥшуеит ахра, сыкәҷышьхан ашьапхыц сахҟьашоит.
Абри шԥаузеилымкаауеи, уара аччиа!
Ажәеимакрақәа раан, ҿааиҭит Мак Келви, адепутатцәа ражәаҳәара убасҟак иалашуеит, убасҟак рыԥсахқәа ԥибажәжәоит, рхы рхашҭуа аҟынӡа инеибагоит.
Иара уажәгьы шәҭыц ахьгылам ҭыԥк сшьап қәа ирзысыԥшаарц саҿын.
Абыжь-ҵәымаӷк ршны дырхасырԥеит, Абыжь-мшынк дырхысҭәҳәалеит
Ҳтәоуп араиком аҿы.
Дџьабеит, длаӷырӡышеит, ааигәа ҵеиџьк лбар лыҽҭалыжьырц лҭаххеит.
Ари ача абар иакып ҳәа сыҟоуп, уажәшьҭа иҭыгазар цәгьамызт, — иҳәан, ҳнаҩс итәаз аҭаҭын рыԥхыҩцәа рахь днеит.
Ажәамаана акәытрыбга, ашьарақәа ахьырааӡоз иҟарҵеит еиҳабыс, иаргьы иауан аус!
Аԥсуа хаҵа, агәеицамк, аԥсуа хаҵа
Уимоу, данышьҭалагьы инаганы, ииарҭа аԥхьаҵәҟьа иргылеит.
Гәырам Нури-иԥа Шьоуа
Ари алхырҭатә ҭыԥ аҿы изаамҭанытәим алхрақәа мҩаԥысуеит адепутат Ҭемыр Логәуа иԥсҭазаара дахьалҵыз иахҟьаны.
Ирыцҳауп Аҵаа Бабаду, ахақәиҭра рыцәҳарӡрым, иауҳажьып.
Уи ажәабжь, ҿык иҭыҵыр, шә-ҿык ирҭалон, ааԥын ԥша хаа еиԥш еимдауа аублаа қыҭақуа ирылан, шьардаҩ ирызнарҵысуан ҭынч, ҟыкда-ҿыҟда, ашьа-ҟуада зыхьшым аԥсҭазааразы агуӷра
Ҳамҭакы лылаԥш кыдхалазшәа иеиқәыз амца иахәаԥшуаз Мариса нас ак лгәалашәазшәа иаразнак Исмил иахь днаҳәны
Наҭеикит аҭырқәа мшынуаҩы, амыдаӷьцәа иеиԥшыз ибла ҭацәқәа рыла Салыбеи ихаҟынтә ишьапа-ҿынӡа данааимида.
Иӷрашыз игәырҩа ицәа азыԥжәомызт азы, даргәаҟуан, даргәаҭеиуан.
Издыруада аижәлантәқәа аизхәыцреи аизыгәблреи рыбжьыԥсаахьазар, усҟан абшьҭрала есааира еицәыхьшәашәахо рҿынархоит, нас даҽа ԥыҭрак ашьҭахь еицәтәымуааханы ахәышҭаара шаҿыцәаауа еиԥш, реизыгәыблра ҿыцәаацԥхьаӡа еицәыхьшәашәахоит, зегь рыла еицәыхаранатәуеит.
Уи адагьы, ирыман ашьхымза рацәа, иуасҭон, аҟауар дыршьон, ԥхынгьы ӡынгьы ишәарыцон.
Даду иажәабжь иџьашьахәу лакәк еиԥш сазыӡырҩуан, сыбла ихгылан ахаан исымбацыз аԥааимбаргьы, уи дсасуп ҳәа аԥсуаҵас имаҵ зуаз аԥҳәысеибагьы, асас иаҳаҭыраз зыбжьы ҭымгакәа ус зны-зынла инеидахәыҭхәыҭлоз уи лхәыҷқәагьы.
Сырхәышәтәуеит, рзиҳәалон уи адгьыли ажәҩани.
Нашь лҽы лышьхәа нарбаны, даарылаххит дыҭҟьаны.
Ҳара, арратә маҵзура ҳҳәынҭқарра ашәарҭадара шьақәзыргыло акакәны ишыҟоу хымԥада еилаҳкаауазароуп.
Закә ҩнузеи иҟаҳҵауа?
Ихы идыруа даныҟала еиҭалагеит, апартизанцәа рымаӡа идырҳәарц.
Аха анцәа даниҳәоз иажәақәа рыбжакы игәаҵа иҭиҳәаауан, иқьышәқәа заҵәык ракәын иҵысуаз.
Шәкариера шәаԥхьаҟа ишьҭоуп, аинрал!
Ҭабуп ҳәа сҳәарын!
Уи хәцәахьы ахьы балаиртәап, — лҳәан, лхы дылҭалан, аҿа ллырҳәеит.
Нырцә-аарцәуаҳа аԥсӡы думырҳан, сыжәлар рзы уаҳа аӷа думырҳан.
Иашамкәан иҟарҵоз усқәак ҳариашарц ҳаҿын.
Иҵәахы нас, иҵәахы, иҵәахы нас, иҵәахы, иаҵабҵозаргь быԥс ахы, иаҵабҵозаргь быԥс ахы
Иадикылауеит уаҵәы иаашар ԥҳәыс дигараны уахатәи аҵх ширшаз.
Иҟаиҵеит априказ.
Зака сашьа Ԥсҳәынтәи дылбааит.
Лара лакәымзи ауаҭахқәа лзызыԥшааз.
Иашаҵәҟьаны, Базала даара чмазаҩы ӷәӷәан.
Уахыки ҽнаки иалагӡаны дызлаԥшыз, иҟалаз рахьтә игәеиҵыхгаз даараӡа ишмаҷызгьы, еидара хьанҭак даҵыҵызшәа акәын дшыҟаз Анана-Гәында лашҭа аҵыхәан, ацаҟьаҿҟьара ахықә аҿыҵәҟьа дахьтәаз.
Еиқәаҵәамлаҳӡа ахәы ақәуп.