text
stringlengths
0
400
Нусреҭ Чауш уҽеидкыл, Селим Ԥашьа дузыԥшуп!
Афырҳәа сыҩагылан агаз аркны саннеи, Акәҷышь рыцҳа аӷуӡза ҳәа ашьапы ҟьо ишьҭан.
Ицоит, Дусиеи Назиеи рыда.
Қсас игәы уамашәаҵәҟьа даарыцҳанашьеит Мшәылды, дицхраарцгьы иҽыназикит.
Исааиуаз, шарԥазык дҩагылан данынаԥш, амни Ажәеиԥшьаа иԥҳа лыхцәы апол икылҳәҳәон, агәара зегь арлашон.
Урҭ акакала инеишьҭаргыланы рыхцәажәара акәым, акызаҵәык амацара аалхны иааҳамҵаҳҵаргьы уи акәшамыкәшагьы заҟа цәанырреи хәыцреи ҳазцәырҵуа ҳзеиҭаҳәарым.
Лара, деихаччо дгылан, амра ашәахәеиԥш делыԥхаауа.
Баҭал дҩагылан анапыӡәӡәарҭахь иҿы неихеит, уажәшьҭа мчыбжьыкгьы акрыфара сҭахым!
Хыхь иаагаз Хәыхәыт Бӷажәба илкаақәа.
Абахәаԥшь хаҳәла амаҭаԥшь ннакылароуп
Акәыба уажәшьҭа уаҩы ибомызт, аха макьана иақәрыжьуаз анышә ашьҭыбжь аныҩуан.
Уабаҟаз нас?
Шьаадаҭ Аџыр-иԥагьы рацәак даанымхеит Синаҭраа русбарҭаҿы.
Закәытә митинги, цқьа уазҵаахьоу?
Дыззымдыруа, иара иусгьы урҭ рус еиԥшыртәуеит.
Урҭ рзыҳәан уставгьы ыҟам, иҟоуҵаргьы, икуам аӡәгьы.
Иахьа уаҩы игәы иахәартә иҟоуп аԥсуа интеллигенциа асовет аамҭазы еиҵагылаз унарылаԥшыр.
Ашықәс ҿыц, уааи, улаша, ҽаангьы абас иаҳзырша!
Исылшома сара, уи
Саани мҳаҵәи зегь ҭыжәга.
Лариса, сара исҭахым, сышьҭахь еилацәҟәны исхыччалар сҭахым, ибаҳауазар!
Убас шакәызгьы, Кьыршьал ду дызҵаз аидара иахьынӡаилшоз ламысла, уаҩрала имҩанигеит, наунагӡагьы иԥсы ҭаны даанхоит ҳдоуҳатә ԥсҭазаараҿы.
Зегь рыла хырҩазаргьы, сара сыла сзыхҩом
Нас изурххози?
Ашлеи Ацыркьи рыгрим аарҿырхуеит.
Уи џьанаҭ насыԥиурҭа ҳлыбжьшәаны ашәаԥыџьаԥ ҳанылрыҵала џьаҳаным тыша ҳаҩҭыҵызшәа схы-сҿы ҩысхалашеит.
Уажәақәа абахоу, сара соума гәҩарас иумоу?
Амшаша дааҿарҳасны.
Аиҿырԥшра иуанаҳәо рацәоуп.
Аха уи еиԥш аразҟы ҳразҟы иаламшәеит, иаҳаурызеи!
Сгәы ԥҵәаҵәҟьеит, Дауҭ, сгәы ԥҵәеит!
Етажкны еихагылоу ӷәтәы ҩны хәыҷык ҳнадгылеит.
Шаҟа сазхәыцуаз амҩан хаҵарак ҟасҵарц, уи ала баша-маша ҩыза дышимам исырдырырц Маҳмуҭ.
Нас иҩызак иеиԥш, Иван Иваниԥа, Хәымса ижәҩа инапы наҵихын, аҩныҟа диманы иҿынеихеит.
Аха урҭ ракәхеит еивас ибналаз, мшыннырцәҟа рҽарҭан, рҽырӡеит џьара.
Қәабчар Абазгаа иреиуаз пыҭҩык ирызгәамҭа ишрымоу агха, аимпериа алҵра аасҭа, ацҟазаара рзеиӷьны иԥхьаӡа, иаԥырхаган рыжәлар рыҩнуҵҟа аимпериа ацәымӷра азырҳара
Аҵла амҿы ауаҩы аӡын аҽырԥхаразы ихы иаирхәоит.
Насгьы идылгалеит аҳәоу, уи азы Лео мап изкуамзт.
Арԥжәагақәа иҳаларыжьуаз иахҟьаны исоуит аконтузиа, сарма лымҳа иахьагьы иаҳаӡом.
Асҭанда абарҭ ашықәсқәа ирылагӡаны дышәшьырҵазма, Амра иԥылаанӡа?
Ҳныҵатәон.
Абааԥсы, ахәыҷқәа акгьы рмыхьзааит, — рҳәан, иааҵибарҟьеит рыкәша-мыкәша итәаз аиҳабацәа.
Ӷбак иаҟаран уи иҩны.
Дамыр шьыцрала еиҵабаау уаҩуп, уи еиҵеиҟәаҟәаз ацәгьахәыцрақәа рыла Ница лыламыс лирҟьашьуеит Ҟасҭеи иҟны.
Ашәырқыҭан, иҩны ажәлар еизаанӡа, Иԥсы гәырҩа илеишьит игәаҵаҿ еизга.
Иабантәиаагои, ҳқыҭаҿы бжеиҳараҩык рхәыҷқәа ашкол ахь иныҟәаӡом.
Уи исеиҳәеит Ҷлоуаа сҩымҭа Ахра ашәа аҭыҵра иазкны ахәылԥаз еиҿыркаарц шырҭаху.
Исҭахӡам, ателевизор ахәаԥшра, ирҳәац ауп ирҳәо.
Уигьы убас ишьҭамзи
Аамҭа цәгьа ҳҭагылоуп.
Уи дгыгшәыгӡам, Џьон, уи дуаҩуп.
Ақьаад бӷьыц хәыҷқәа еиқәҵа-еиқәҵаны иаацәырҵит.
Уи аахыс заҟа ԥсшьарҭа ҭыԥқәа рҿы снанагахьоузеи, аха убасҟан Ҳәнаԥ аԥсшьареи аныҟәареи иҳаиҭаз аҩыза сақәымшәац.
Ахԥатәи иӡыӡымкха, ибнеикха
Рацәак хара имгакәа Шәарах дыхҵәеит, нхара-нҵыра ақалақь ахь диасуеит.
Ҳаҟамкәа ҳабацоз?!
Аҳ иарҳәеит иӡӷаб аҷкәынцәа гәыдкыло дышрыдтәало.
Анхаҩы ихьԥшу зыԥсы ҭоу роуп, исеилиркааит даду.
Иҽеилаҳәаны адәахьы данындәылҵ, иџьоушьаша, еисуаз алақәа ықәҵны ицахьан.
Ажәабжьҳәаҩы иԥсы еивҵахан аихәлакьысра далагеит.
Асцена ааншәыжь зегьы
Ливук ашьыжь данааԥш, амра ҵлакы ашәара аҟара иҩеихьан.
Аиҳараӡак Лазысҭантәи ирҭаауаз асасцәа ракәын уаҩ дызмыхәоз.
Шьагәи сареи аизара ашьҭахьтәи ҳаицәажәара имырхьшәашәаӡеит.
Ииашаҵәҟьангьы, иахьа уажәраанӡа аруаа рҟынтә аӡәгьы арахь иагьзықәымлацызт.
Кәиц хәыҷык аԥыр-ԥырҳәа игәаҵан иаацәырҵын, аҽыртаӷа ишьеи идеи ирҭалан, ицәеи ижьи ирхысуан.
Анҭица дшьапҵыркьакьаны амжәакакал зҿассы изҿаз амахә аиҩаӡара даҿын.
Апасаџьырцәа ашьҭахь иҩрышьҭарҵан, аҩныҵҟа ааҭдырҭәааит.
Иаԥхьаҵәҟьа иҿыцҳҳараӡа, аџь аканҵыҵыра иалхыз ныгак ԥҽны иаԥхьа аҟәара илаԥсан.
Ус бымҳәан, Ница, аҳыҳ!
Адау ус игәы иҭан Абрыскьыл дыцәар дифаразы.
Сыԥшыр сҭахым сара уахь, анышә ахь
Асҟатәи жәабжь ҿыц абаажәгеи?
Убри аамҭаз абомба тҟәацит, алҩа ҩхатәалеит ааигәа.
Сыргоит сара абрантәи џьара исыхан, сыԥсы ҭырхуеит избо, исаҳауа.
Сара сырхаануп амҳаџьырра иахаанны издыруаз, саб иашьеиҳабацәа ҩыџьа амҳаџьырра ҟалаанӡа иихьан, саб амҳаџьырра адырҩашықәсан диит.
Егьи дызҵаз имҩаныфа хиртломзт.
Цәаӡыӡрак, шәаӡыӡарак схыҵит
Абаржәыҵәҟьа исабҳәароуп сара сызԥаҵәҟьоу!
Ажәларқәа еижәыланы, еибашьны иқәибахуа акәымкәа, еигәныҩны еибахьчароуп.
Убри азы дыррак ахьсымамыз, сԥсы сфеит.
Шьҭа ҳнеип ҳасасцәа рахь.
Анԥса ахьаразы данаадгылалакь, лныга атәыҩа иахарԥаны иаршәуан, ларгьы илышьҭалон, уи ахьылбоз еиҳагьы лгәы ԥнажәон, деицранаҵон.
Иаҳхаагоз урҭ амшқәа зегь џьаџьан
Ашьхаруа дызҿыз ибазар акәхарын, Миха дыҩдәылҵит, Маф диацәажәо.
Ахәыҷқәа хәыҷқәоуп егьоумҳәан, иудыруазеи иргәыбзыӷны џьара акы ддырҳәар ҟалоит!
Алҩа хәашь еилаҳанто аҳауа иналачуан, иналҳәаҭон ибба-ббаза ажәҩан инагәыҵачуа
Иҟоу абас ауп, сымаҳәцәа аиҳабацәа исабжьаргазгьы абас ауп аӡәы уӷьычла ҳәа сабжьеигеит, егьи амацасра зегьы иреиӷьуп ҳәа сеиҳәеит иҳәеит.
Лылацәақәа лнапы нхылшьылан, иаалрыцқьеит.
Ҳәагь диазҵааит.
Ишԥаҟаиҵари Гал араион иқәынхо ауаҩы, ҳара дҳаӷоуп ҳәа ҳааизықәгылазар?
Уажә ҳаазқәылаз аҭаца машьынала дааргоит, аха ачара зуаз аԥшәма иҷкәын заҵәы ԥҳәыс дааиган ажәытә ҵасла абри аус мҩаԥигарц иӡбит.
Мардасоу, ицыҩназ хар шимамыз аниба, уа даанымхацәакәа, аԥхьарҭахь длыбаарц, дшааиуаз, Варлеи ддәылҵхьазар ибарц луаҭах аҿы днеит.
Ажәлар гылеижьҭеи иҵуазеи, умбои, амхы иахьҭоу!
Иҩыза Наазым даниба, ичамадан лаиргылан, иааигәыдибаҳәҳәалеит, иааибарӷәӷәеит.
Убри аамышьҭахьгьы, абри агәырӷьара дуӡӡа ахьӡала, абахҭақәа зегьы рышәқәа аартны, ацәгьоуцәа зегьы аушьҭын.
Сышԥеигәырӷьоз, аамҭа сиааизаап, аԥхын агәҭаз саанарԥшит.
Ҽыҵәахырҭас иахимаз Бармышь ақыҭа дынхон Кәыкәи Фаҭ ҳәа убри иҟны акәын.
Арушьан Аҟәантәи даацыԥхьаӡа, иаабжьамыжьӡакәа, есуаха жәҩахырла ашлақәа ирҳәоз алакәқәа дрыҿҳәаран.
Аха адгьыл?