text
stringlengths
0
400
Ишьҭрақәлан иаан ҭагалан, иаҳгәаланаршәарц бӷьыжәла, қәала, мҩасшьа шыҟам ааԥынрала.
Ахра ажәлар заҟа ҳаҭыр иқәырҵоз аҟара дызцәымӷызгьы рыҽдырӷәӷәон, иаҽԥнырҳәашазгьы вба дук рзыԥшаарымызт, аха иҵашьыцуан.
Самақәа-иԥацәа ҳәа иҳашьҭоуп абиԥарала уи сабду иаб иакәын.
Даалымгацкәан ииҳәоз иажәа, иҟалазшәа уаҟа аума, абахә ҿаҳа ирӡыӡа, ирцәажәа ирыбжьатҟәацызшәа абомба, ажәҩан еимҟьан ицәыҵлаша, аҵықь, аҵықь, аҵықьҳәа, урҭ ахьгылаз рыгәҭа иазиаша Афы бжьасит аԥырқьҳәа.
Мари, дшымгәыӷӡоз ибжьы аагеит Андреи.
Тәан ихәы ахьӡуп убра, Дәырԥшьоуп иахьыҟоу.
Елена, ихаҵа, исҭахым сара бсыцәгәааны быҟазарц
Раԥхьагьы еиҳа иаҭахыз напы адыркит, хыма-ԥсыма.
Дон аӡиас ихықәгылоу Ростов индустриатә қалақь дууп, иара аӡиас акәзар Дәаб аӡиас иузадкылом.
Саргьы бжьагара бзиак шәысҭар сҭахын.
Абра шьоукы дырҭахын.
Иқьышә сынҭасызшәа даасыхәаԥшит.
Ма изакә ҽузеи иҽыхәа-иаҵәагьы!
Са исҭахуп, адгьыл еиԥш, аҳауаҿ сыӡсозарц, аӡиасқәеи амшынқәеи ахьыцәқәырԥо збаларц.
Еилыркаахьазар шьҭа сынкыдҵаны сыршьхьазаарнн.
Иҳамам, иҳахӡым, ҳрыцԥахеит, аха ҳаиҳабыра ҳаԥсы шҭаз рхашҭит ҳәа шәҟәыҩцәақәак ааҟәымҵӡакәа ҳныӡбара иаҿуп.
Уаҳа акгьы мҳәакәа икалаҭи имҵышәи аашьҭыхны аҩцара шыҟаз иҿынеихеит.
Ҳнадгылеит Хьрыԥс ица.
Ҳаи, рацәа сынҵәеит, баша Анцәа игәразгозма?!
Сара иксҳәоуа абрис ауп, дад, сара сахьтә капеик оуам.
Уаргьы уца, еидышәцалап, — иҳәан даҽаӡәгьы ддәықәиҵеит.
Сыԥсы ҭаны адәы сықәуп ҳәагьы дыҟам.
Дара иршьон аҳәықмаҭ иалаланы амилаҭ.
Даараӡа агәҽанызаара ҳҭахуп уаҵәы
Сыҷкәынцәа сцәыршьит, сзаҵәны сынхеит.
Иҟауҵоз аурымӷбаҿ?
Лиуда Ҳагба луадаҿы ҳаангылеит.
Ламысла исҳәозар, иажәақәа иашагәышьан, аха, Адица, аԥсҭазаара иунарҵо аҟәыӷарақәа ируакуп, иҳәатәуи иҳәатәыми реиҩдыраара.
Сыла иабазеи, сгәы аангылоз џьысшьеит
Уи ааигәа инеины, ашьап ахы анҵаны, Мышә аҽырмазеины, уа итәан ихианы.
Зегьы ҭаҳаҭыӷьа-ҭаҳаҭыӷьаӡа, рхы қьан ақәҵо, рӡарақәа ҭырфаҷа, ишылеиҩеиуаз.
Аҩны аҩныҵҟа игоит амузыка абжьы.
Ҳарҭ акгьы ҳабжьаӡам, иахьанӡа излаздыруала.
Уи иԥсыбаҩ вертолиотла Аҟәаҟа иааргоит.
Жәҩанаҿ амра аацырцырит, ашҭа ажәҵыс ааҭаҷырҷырит, иаҳәарызшәа
Еиҳаракгьы изымбатәбараханы иҟаз, иахьатәи лыччашьҭыбжь еиԥш имаҳацызт.
Ҳашлахә ԥыххаа икеибаԥсап!
Нан, ажәҵарақәа рымышьҭа бзиоуп.
Дныҳәа-ныԥхьон.
Аха ажәлар рыҩныҵҟа, есымшатәи рыбзазараҿы, рҭаацәарақәа рҿы излеицәажәоз аԥсшәа акәын.
Ашьҭахьшәа лхы ҩышьҭылхын ҭаҷкәымк иаҟарамыз лхы-лҿы аимакаҷырақәа аӡыхәашь еиԥш инарҭатәеит ашәаӡыӡара.
Исықәҳауа наҟ сырнахоит, сдыркареит урҭ убас, схы иҭагьежьуа схы сыхнахуеит, стәарҭа хыгәыгәит сыштәаз!
Дҵәахушәа, дынцәахәушәа, дсыԥшаауан!
Аха аӡмыжьразы даанҿасуазма, дууаӡа дыԥан дналаԥалт.
Амраҭашәара шыҟаз уаа жәа-ҩык аԥҟара-ԥҟара ҳәа ажәлар ирзааигәахон.
Ахьӡ ҷыдақәа ауаҩытәыҩса иеиуеиԥшым иҟазшьа ҷыдақәа, адәахьтәи иҭеиҭԥш, инырҳара, ицәажәашьа аазырԥшуа аҵакы змоу аԥсуа ажәақәа хатәы хьыӡны рхархәарала ишьақәгылоит.
Аԥсырҭ еиҭа иаб иажәақәа илымҳа иааҭаҩит.
Мап, мап ари есымша зышәқәа аарту ахан аҟны аҿар иреизарҭоуп, иаадырԥшуеит доусы ихатәрара, ицәырнагоит абаҩхатәра змоу ауаа, — иҳәеит аԥшәмара аанкыланы ҳназгаз.
Сара исхьаау уара иухьаахом, сара исгәалоу уара иугәалам.
Урҭ рҿаԥхьа игылазгьы, дДоусы ишраҭәаз аԥсшәақәа рҳәеит.
Убарҭ иреиуоуп адрамаҿы иаабо апартизанцәа ротриадгьы Ахрақәа ҳрыдырцалеит, абарон ир иманы агәашә даԥырагылоуп, — иҳәоит апиеса афырхацәа руаӡәы.
Дабазбари знык иадамзаргьы?
Асас дахьымҩахыҵыз дахьазымдыруа ҩнаҭазар, аԥшәмеи иареи ҳамҭак ианеицәажәалак ашьҭахь ихы, иҵыхәа, дахьынтәаауа уҳәа, иаацәырганы аԥшәма иеиҳәоит, аԥшәмагьы ихы иирдыруеит иҭааз асас.
Ус ахәмаргақәа зегьы ааилаҩҩит
Ҭоуба зхыҟаҳҵаз аус намыгӡакәа ас ҳаиԥырҵуама?
Сара сабаҵанакуеишь?
Аиҵбацәа аиҳабацәа ирхьыԥшын, аҳәсақәа ахацәа, еишьҭаргыланы системала аԥҟара арегламент рзыҟарҵон ақәиҭымтәрақәа аҽацәыхьчарақәа
Уи амҩахәасҭа сынтәа аандаз ахацқәа анылырхуаз аҷкәын иаби иареи идрыцқьазшәа рухьан, аха џьара-џьара аҵлақәа хыжәжәаны ианыжьлан, џьаргьы ус амаӷ ахаԥаны иеимиаан иҟан.
Кьагәа ас иӡбарын ҳәа аӡәгьы ихы иҭашәомызт, уи амҩа аӡәы даныларын ҳәа игәгьы иҭамызт.
Иааигәалашәеит афицарцәа рхы шымҩарыгоз.
Аб гәыӷрала деибыҭан.
Хьудар ашьшьыҳәа уахь инеихигеит.
Снеиуеит, са схала, хаангьы схьыԥшым.
Аниҳәоз иақәыршәа, дахьца изымдыруа лара дицәҟьалеит.
Хәаџьа аҳа ҿымхкәа, хыма-ԥсыма дылбааит.
Уи аԥырҩы ида аӡәгьы издыруам.
Ишәымбои атрубақәа ишиашоу адгьыл ҟьантаз иқәжьуп, унацәкьыс узрывамҵо.
Ир ласны дааигандаз, ҭацак иаалырлашарын рыҩны.
Ари закәу уи ауп, убра аӡӷаб бзиак дыҟоуп.
Чагәаа Георги Миха-иԥа арадиодырраҭараҿы дынкыдгыланы исеиҳәеит сыцхыраара шырҭаху.
Марыхә рыхшыҩ изаагозар ибон.
Саб ихаҭа данырымбоз, иара итәы иҵегь инеиҵыхны иалацәажәон.
Кәызҭхала иқьышә хызблаар, ҿааҳәыра иқәымло, бжьрабыжьҵәа дныҵаба дцап, — сҳәеит.
Уаҟа ишәарҭан ҳәа ирыԥхьаӡеит.
Ахьхьаҳәа ӡиаскгьы авысны ицон анапсыргәыҵа иқәгылаз аресторан.
Иухыҵуеи, Баҭал?
Закәи ари, уара?!
Арахь дзыхьчоз рылаԥш ихрыжьуамызт.
Сара исҭахымызт убарҭқәа уасҳәарц.
Изаҳауагьы агәра ганы сыҟоуп амин шсыцышәҳәо.
Смашьына иақәтәоу дахылаԥшуоушь?
Зқьи жәшәи хынҩажәи аба шықәса
Аха сара аӡәк Дороҭа иџьысымшьеит.
Нас бара иабабдыруаз, сҭаацәараҿы исыԥсҭазаашьаз?
Нас иҟалазеи, уҭаацәара хымбгалартә ҵыргәашьа амоу ӡеи?
Уи иаԥылт ахыкә шаԥылац џьара цәҟьаракгьы анӡам
Даргьы ԥаса аӷа итҟәаны иигахьаз, уажә шпион ҳасабала арахь иааишьҭыз шьоук ракәзаарын, изынҟьаз-изынԥаз зегь аахтны ирҳәазаап, егьи аӡәк дыбналеит, аха убригьы ашьҭахь дыркит ҳәа иалацәажәон.
Шәарҭ шәеибагартә шәыҟам!
Дрышьклаԥшуа дгылоуп азныказы, аха нас авансценахь днаскьаны, ихы ҩышьҭыхны ажәҩан ахь дыԥшуа даагылоит.
Узықәдыргәыӷзеи, уара ҟадыџь, ахьы ршоит ҳәа уарҳәама араҟа, уеиханы узаазеи?
Шьоукгьы цасҳәа, иаҳцәагозеи ҳәа рыбжьқәа нақәдыргеит.
Иҟалап, уи хаҵарамзар, аха сара уи амши, уи аҵхи рыда уаҳа акгьы ахьсымам аҟнытә, баргьы ишаабгәалашәало здыруазар, егьырҭ амшқәеи аҵхқәеи рхыгара иаҳа исзымариахон.
Уи ибзиа усуп!
Анцәа ишиҳәара иҟан.
Хынтрыгә акәӡами уара иухьӡу?
Хәаџьа Шьардын изы ирҳәо мцымзаап
Уи ҿыц аусӡбара иқәшәонеи.
Аха убасеиԥш акы рыҵаргалоит, ахаан ҳзеиҿамԥшуа ҳҟарҵоит.
Асҭанда ара дабаҟаз ааигәахәын, ичҳаны дхьамԥшырц иӡбан, иныҟәашәа мԥсахкәа днеиуан.
Сыбзиабара ӡмыжьуп, бацәшәоит.