text
stringlengths 0
400
|
---|
Азин сымазааит, аҳәынҭқарԥҳәыс, сара маҷк аҟара сынҭыҵырц. |
Европаа адунеи шԥадыреиқәаҵәеи. |
Ҟох, усҵәҟьа иҟазар, ҳаиҟәаҵп, нас, абни нырцә итәоу иаҳҭап! |
Ашьауардын аблаҵар ӡсон |
Ҳара ҳаԥхьаҟа иҟаҳҵаша ҳазхәыцып. |
Усҟан ус иаармарианы уи уԥыхьашәозма, аӷьыч-мацасцәа ракәын иалаҭхаџьуаз. |
Ирҳәоит, аԥсы аҩны лашьца иҩнагылом, идәылҵуеит, ашҭаҿы иаанхоит, акыр шықәса иқәҵны ицаӡом ҳәа. |
Згәы иаанагодаз Џьныш-икәара Алиас иаџьал алоуп ҳәа. |
Усҟан ауп иара иԥсҭазаарагьы аҵакы аманы ианыҟало. |
Абасала, ашәарыцаҩцәа рыгәҭакы нарыгӡеит. |
Ус иахьыҟасҵаз, акыр исыхәазшәа збеит. |
Иансзааигәахалакь, сбомбеи сгранатеи агәыдсҵар, аха урҭ ирзымгар, сырҟьцны иласхысны ицоит. |
Ҩбагьы, уажәы-ушьҭан моментк соуны ҳаиқәшәар усгьы Пицунда бзиа ибон, ԥсшьара даауан иасҳәоит ҳәа саҿын, адокументқәагьы рырхиара салагахьан, аха сахьымӡеит, иҵегьы ҳанеизааигәаха, дамырхит ишудыруа еиԥш. |
Аԥсуаа рышәҟәы, уи Москваҟа, Брежнев иахь адәықәҵара |
Убасҟан, Абзагә иус ианалацәажәоз, Бардушьа иуҳәозеи ҳәа инаиазҵааит. |
Аха шьҭа ихшәазар, иаақәургыло азҵаарақәа зегьы рҿы судгылоит ҳәа уаха исеиҳәаз иашаҵәҟьазар, уаҵәыҵәҟьа еиҭашьҭысхуеит уи азҵаара |
Убри ауп иара иузааиго зегь зыбзиоу, адунеи аҿы цәгьагьы бзиагьы уаазыниалак зегьы уара узы имшхәыбзазараны уахәаԥшлароуп |
Акыр инықәсхьаз ицәыҷҷа-цәыԥԥыз, аха иаарыцқьашәа иҟаз зиацкқәак ишьан, ақә ҩышьҭыхшәа, абз ҟьаҟьаӡа хылԥа хагьежьаак ихан, абарҭ имаҭәа хәаԥштәалақәа иреиԥшыз. |
Ашьыбжьон ԥсшьара ҳанаатәа, Баџьга ала цәажәара далагеит, аибашьра дахьыҟаз дызлаԥшыз, ихигаз. |
Иарбан, даҽакәу ибдыруа? |
Уаҳа ишԥаҟаиҵарыз? |
Аӡӷабцәа даарыԥхьан, ауаа ахьырацәамыз ҵкарк аҿы иналган, иаалхәахьаз рҿалҵон. |
Анцәа исаҭәеишьаз зегь сымоуп, саргь жәҩан гәашәаҿ сиеҵәахә лашоит. |
Дышԥахнахи имҵадыршәыз, изигазеи, рыцҳа, дамҵас! |
Иаразнак доусы аазгаз рмашьынақәа инарҭалан, иқәҵит, араҟа уаанӡа ирызԥшыз ааныжьны. |
Иахьынӡазалшо ала иркьаҿны иаҳҳәозар, уи шыҟалаз ҳәа ажәлар ишырҳәо абас ауп. |
Уи иҟаз, ианыз уҳәа зегьы, еихаргыла-еиҵаргыла иреиҳәеит. |
Абри нахыс аԥсуаагьы Нарҭ Қьаҭауан иҿҵааны, иадырҳәо иалагеит Аҿарпын. |
Арҭ рышьҭахь абираҟ адырҩегь икнарҳарц рҽазырымкит. |
Џьука ихәы аақәлыргылеит. |
Хазы-хазы амҩақәа ҳарнылап. |
Иҵҟәашааӡа быхәда, Ичаԥоуп уамашәа. |
Егьырҭ зегьы ракәым, сара исзуухьаз абзиарақәа зегьы, ухраҭахь ԥхыӡ цәгьаны иушьҭазаауеит. |
Баасзыԥшы. |
Инеиуан амц аҽырзажәны, иара адунеи зегь атәызшәа |
Иҷкәын иажәа данаалга нахыс, дқәыџьмахеит Ԥшьҟан. |
Бабаду, ахьҭа сакит, уааи сара сышҟа. |
Иуана, қәралагьы акыр дшеиҵбызгьы, иҽышькылҵәҟьа ииркуамызт. |
Ҵабыргуп, акәашаҩ бзиаҵәҟьа анапеинҟьашьа бааԥс деиланагаӡом, аха шәара шәҿы зегьы ибзиаӡаны изыкәашаӡом, насгьы ирыхәҭаз аинҟьашьа анырымба ахьымӡӷ шәдыргеит. |
Зхы-згәы еилаԥсаз аб рыцҳа, аҵх ашамҭаз, акыркырҳәа иҷкәын заҵәиччабжь иаҳауеит! |
Илҭахымызт илҳәаз, илуз ҳәа ауаа днеимҵаркуа рыбла дыхгылар. |
Егьи аԥсы агеит, аҳа илбааԥан ицеит, аԥсра ақәшәандаз, — иҳәеит, иманшәалан исықәшәар аҩбагьы ласышьҭыр акәын |
Даҽа џьоукы шьҭрала амаҵура дуқәа ныҟәыргалозароуп, ус акәу? |
Нас, ауаа изырхарабҵои? |
Аӡбара аан, апрокурор ииҳәауаз аҽԥынкылақәа, иҟаиҵоз ашьауӷатә кодекс аҿынтә астатиақәа рыла ишьақәырӷәӷәо, ахара злаиду аарԥшны, мцхәы иҽаламгалакәа дцәажәеит, иагьиқәиҵеит быжьшықәса |
Убри ахьсзыҟаҵо азыҳәан, аа, усҭ иҳәан, инеиқәырчаҟәа ԥарақәак иџьыба илҭеиҵеит. |
Амала, сара ахаангьы схы ианасыжьуам, Кәыкәын Мқанба иҿаԥыц ҳәамҭақәа ианаамҭаз ақьаад иахьанысымҵаз. |
Ашҭа аханы агәашә иаҿаз аҟынтәи агәыԥ иалаз аӡәы ҿиҭит Аршавел ихьӡ ҳәаны. |
Ус дааҩнашылоит уаҩы ҳаракык, иҿаԥшыларала дазиатәуп ззуҳәашаз. |
Шәымнеиӡои, мшәан? |
Имбеит ихәда иахашәозаргьы ашаха, дааимшаҭеит дшаҭатәзаргь иқәлак. |
Дҵааит иԥҳәыс. |
Ари адгьыл иқәынхо зегьы рыгәра гоуп, — иҳәеит Аранба иацәажәоз ииҳәаз ааигәамԥхакәа. |
Зегьы аҵара-дырра роуеит Анцәа иҟынтә. |
Дук мырҵыкәан аԥраӷба дуқәа жәаба, еихаҿаҳәаз ашәындыҟәра дуқәа рыла иҭәны, агаҿа иааҽԥынгылт. |
Зыԥсадгьыл зҭаху уи акгьы ихьуам, ари ҩашьарц шԥаҟало! |
Уаа ханҩажәаҩык даарыԥхьан абри аҳ иԥҳа исызлашәҳәа ҳәа еилыргатәык риҭеит. |
Ашьхарахь хараӡа илҭаҟәырҟәырит. |
Аԥштәы ухнахуеит, ихырҳагоуп, ҳәырҭак абар аҽаҟьом. |
Цица иԥҳа аиҳабы аҵара ду далгеит, Зина аиҵбы аинститут дҭоуп. |
Аԥсуа поема аҿиара аамҭала афольклортә традициа иахьыԥшын. |
Иԥсыз сара сакәхын, сахьышьҭоу сышьҭазаргьы акәхап сыԥсны. |
Лара ҿымҭӡакәа луанытә дқәыԥсычҳауан. |
Игәыдеибакылоит. |
Аурыс ихаан абра ҳқыҭан ашкол салгеит. |
Апатугьы рзақәын, мшәан, ауҭраҿ зегь рацәан |
Аҩбатәи аҟәшахьы иаҵанакуеит Аџьаамеи ауахәамеи рымаҵҩцәеи рычҳареи рыгьангьашреи ртәы зҳәауа ажәабжьқәа рцикл. |
Сҭаҳмада-қабадан, сҭаҭынжәга сахо, сажәақәа нымҵәо имыцхәхар, сҭакәажә хаԥыцда, исызымҭо ҭаха, агәы лымоуп усгьы акы лҳәар |
Ҳазшаз дуцхрааит, — иҳәеит. |
Ажәа бзиа нырхагоуп, ажәа бааԥс хырҵәагоуп. |
Дышьҭалт, дышьҭалт. |
Лыҵкгьы лыркьаҿт, илыркьаҿт, илыркьаҿт, лыҵкгьы лыркьаҿт. |
Ҳаҩны ԥхоуп, нас абас сзырхьҭашьуазеи. |
Иҩуан аромантикатә жәеинраалақәеи апоемақәеи, иаԥиҵеит адрама Стено, иҽԥишәон атәым бызшәақәа рыҟнытә апоезиатә ԥҵамҭақәа реиҭагара аус аҟынгьы. |
Амца аԥхара дарԥсасин, дхырсысыр иҭахны, аарла акәын ибжьы шҭикаауаз |
Поетк иаҳасабала сара еиҳа исышьашәалан аоратортәи атрубинатәи аинтонациа. |
Ҳауида лыҷкәын даныршь, лхы агәашьа иананылҟьа дыԥсызар, нас апырпыл џьыка злалхуаз? |
Исыздырӡом, уа сара сыҟаӡамызт, амала исзаарыцҳаит унапала иҩым шәҟәқәак шырбаз. |
Сдәықәлоит ҭагаланк, инарылԥраан аҵлақәа, тәыла харак ахь рхы шдырхо еиԥш аԥсаа. |
Миназ, ивҵрааны иҟаз ашә аартны, ашьшьыҳәа дныҩнашылт. |
Абраҟа ҳазынтәыкгьы ҳаиҳа Арухан аус лухьеит, лҵара ыҟоуп, лдырра ыҟоуп |
Згәалаҟара бжьысны еиқәышьшьы итәаз ашәҟәыҩҩцәа маҷк иаалахҿыххеит, уимоу егьынеиҿаԥшы-ааиҿаԥшьит ажәахәҟаҵаҩ ишиҳәаз еиԥш акәымзаап аусқәа шыҟоу! |
Сара уара угәы злансырхалакгьы инсырхандаз ҳәа саҿӡам, аҩыза Кәасҭа, — лҳәеит Саида, сара заманала издыруеит, уара уҭыԥи, узхагылоу амаҵуреи шыхәмаргам. |
Снаганы нас сышьҭарҵан, иныдырҵеит саԥхьа сышә. |
Ихәломызт, ишомызт зны бзиабарада, уи шсыцӡаз исыцын сахьцоз, сахьаауаз. |
Астол дырхиан егьин, акриҿеиҵеит. |
Сеиҳаб ду схы исырбап ҳәа акәын, шәыла сыҽҭалаҳа сызцоз. |
Иалгарц рацәак шрыгмыз, аҿыцқәа дрылаҵаны дааргеит ҷкәына қәыԥшӡак. |
Шаҟа са мырцәахьоу, саргәаҟхьоу бара изыбҭахузеи. |
Уи ибеит аколнхараҿ анхацәа шҵакыз, ашықәс еиқәаҵәақәа раан, бӷеиҵых рымҭо ишындырҵәоз. |
Иҭагылазаашьа игәаԥхом. |
Аха сыблақәа сызхымтуа ачра иалагахьан. |
Ауха дахьнышьҭалаз ашацәа ҟәаш-ҟәашӡа иааин алаӷәра иаақәтәеит |
Уи дазхәыцуеит ианҵамҭақәа аԥхьаҟатәи рԥеиԥш, дизхәыцуеит иаԥхьаҩ, хьаас имоуп уи ишидикылаша. |
Уи ипоемақәа руак Маршьанаа шықәибахыз далааи ҵабалааи рҭоурыхтә хҭысқәак аанарԥшуеит, шьаҭасгьы иамоуп ажәлар рыхдырраҿы иаанхаз, дара далаа-ҵабалаа рыԥсадгьыл ианықәырца ашьҭахьтәи, рҿаԥыцтә ҳәамҭа. |
Ушьҭа уаргьы саргьы ҳаеҵәахәқәагьы иаҳҭаху ҳазҭаху риеҵәахәқәагьы ахаангьы икыдшәаӡом! |
Дара ирҭахыз амагнитофон лента акәын, уи аилаҳәара иагәылан. |
Иарбан науказаалакгьы ҳаамҭазы убасҟак иҭбаахеит, иҵаулахеит, уи аҿы уажәа уҳәарц азыҳәан ԥсҭазаарак узхом. |
Ауаҩы игага ицымзар ԥсыхәа шимам еиԥш, Дамшә ада ԥсыхәа шсымам агәра анылга, аҩны иахьыҟоу данышәагәышьеит, лгәы калыршәит иаргьы саргьы зыҟны ҳкыдтәалоу аԥҳәыс. |
Дашьны, иажәа быруа, иқәнагам иҳәо аӡәгьы димбацызт. |