text
stringlengths 0
400
|
---|
Иҵӡозеи, анаџьалбеит, шьҭа. |
Сара, агаӡа аҟаԥшь деилаҳауеит ҳәа, сеимсы ҟаԥшьқәа срықәгәырӷьауа ашҭа сҭан снеиааиуа. |
Дҩагылт Сҭеԥан Кирил-иԥа, уаҩ нырҳарак, ҭааҭыӷьак. |
Иаразнак гәыԥҩык аҷкәынцәа ааикәшан даарыгәҭыларкит. |
Борис зназы ииҳәарыз иҿамшәауа даанхеит. |
Шьыбжьхьафара ааиаанӡа, даалырԥшыз џьылшьеит, акәымзар иара баша иблацәа еиқәыԥсан. |
Чарак аҟынгьы иҟан. |
Урҭ рышьҭра ҩтәрык ашәанрахь иаганы ус иҟоуп. |
Лхаҭа уи диеиҷаҳауан, ланхәԥҳа лахь имаз абзиабара иқәҿионы илбаӡомызт, арахь иара иуазыршьа Асҭанда илыхәаӡомызт. |
Абахҭа ианҭыҵ, ишиашаз сасааирҭак ахь инеины уаҭахқәак ааныркылт. |
Илҳәар, лхаҭа лгәы лнархьуазаргьы, егьа гәнаҳарас илыԥхьаӡозаргьы, лаҳәшьа длыҵашьыцгәышьон Аминаҭ. |
Шәнеилалан, ацәашьаршь урԥхар, иуҭаху шалухуеиԥш, иахьуҭаху инаҳәы-ааҳәуа уҷкәын Раԥсҭан днаиҵашәыртәеит, изаҳауаз ишимарымкуа идыруан аҟнытә, Зафас иамаикыргьы, ииҳәауа џьмак аимсара исзаҩызоуп ҳәа аанаго, изаҳауаз днарылаԥшит. |
Аҩны данааи, дышԥсуаз идырит. |
Ҳқыҭауаа срышьцылеит, икажьны ацара сҭахым, латәарадатәи астудентра ауп исҭаху, — иҳәеит ҭынч-ҭынч Шьабаҭ. |
Иаргьы, — иҳәеит аҟароуп ҳәа, агәызҳәа амшын иҽналажьны аҽыкәабара далагомызт уажәы. |
Ажәа рысҭахьан, дарбанзаалак аӡәгьы ишиасымҳәо. |
Быԥсы иарҭааит, Шьакәа, изакәызеи аҳәақәа ҳәа инаныбҵаз, уаҩы иҳәатәы рмаҳаӡо, уаҩы иҳәатәы харымҵаӡо! |
Иазгәаҭатәуп апиеса ахы инаркны аҵыхәанӡа адыд-мацәыс аҩымҭа асиужеттә-композициатә еиҿартәышьа иахәҭакны ишыҟоу. |
Иумбои, иара разҟыда иҳәан еиԥш, ацә ахы ҳахо, иааганы иԥсы иаҳҭеит, уахь иҟоу далхымзааит |
Дҩыҵыззар, иааихәоит џьара ашәха, имҵаирсуеит дақәшәаргьы жьыхәҭак. |
Иамгакәа еиқәхаз аӡхыҵра, усҵәҟьагь, ртәала игаӡам |
Ачара иаҳа-иаҳа аилашра иаҿын, иаҳа-иаҳа аилышәшәра ҳаҿын ҳаргьы. |
Шькок Беии Исмили аашьҭыхны амҩа инанылеит, ауаа рацәала излеиццаша аҽқәагьы рымаӡамызт усгьы. |
Кәасҭа иҟазара дуны илан ашәаҳәара, ачамгәыр, агитара арҳәара, акәашара. |
Сафарбеи, абасҟак узыргәырӷьо иумоузеи? |
Ҿамырҵысы аҩны адәылҵра ҵасӡам! |
Иара убас, иара ус |
Ашә изаалыртит. |
Угәы ишԥаанагои, аҩыза Дараҭиа Пас-иԥа? |
Акәапеигьы хәыҷык акәӡамызт, ҩба анҭаирцәы дуалуашо дааҟалеит. |
Иахьагьы аиарҭа иамоу, Габрушьа иҷкәын аиҵбы Аслан ӷәӷәала дырхәит акәымзар, уаҳа аӡәгьы дрыцәҭамхакәа, иалҵит ҳара ҳтәқәа. |
Сгәалашәарақәа, аԥхыӡ ссир еиԥш, сҩышьны сышрылаз, санхалаз-санылбааз сызгәамҭаӡакәа, Хабжь ихы аԥҽра аҟара ахмырҵкәа, ахәы ԥшӡа иаҵаршәыз, Касланӡиаа рӡыхь сынхықәгылеит. |
Уажә ашьшьыҳәа стәаны сыҩуеит, сгәаҿы ажәеинраалақәа ииуеит. |
Урҭ реиҵбы хышә хы ихагылан. |
Аха дымтәакәа, дшаҵәы-шаҵәуа ашҭа днықәлеит. |
Иаҳҳәап, акәымжәы аԥшьызар, ма еиқәаҵәазар, ачоуҳа акәын усгьы излырхуаз, акаба шкәакәазар акәын, ма иҟаԥшьызар |
Дыҟаӡазаргьы иҩызцәа ивӡааижьҭеи игәы каҳаноуп дшыҟоу. |
Илҭахӡамызт, илҭахӡамызт, илҭахӡамызт, акы дхьанарԥшит мчыла сара сахь! |
Аибашьра анцоз акәын. |
Еснагь исеиҳәоит Егьыпт аҟны анхара уадаҩуп ҳәа. |
Аҵәаҵлақәа шәҭуеит. |
Ихыҭҳәаауп. |
Амала арыжәтә рҽадырцалацәар сҭахӡам. |
Нас игәы ааиԥсахын |
Ус еилкаатәык ҳамоуп, еилаҳкаароуп. |
Шәҩызцәа ирҭахызаргьы аҭыԥ ҳамоуп. |
Ҳкьаҭеит рҳәан, еигәырӷьеит. |
Ачара руит, иеигәырӷьеит. |
Абрыскьылгьы иҳәыркьирам. |
Дхәыҭхәыҭны, аха ибжьы хәарҭамкәа, даацәажәеит Махьал. |
Асасцәа ахьидикылоз аҽаџьаран, ишьҭаларҭа акыр инацәыхараны, арӷьарахьтәи аҿаҟьа уахьынаҿагылоз, Римтәи аимператорцәа Рхан иаҿыбааны иҟаҵаны игылан, иколонна мацараха. |
Қәрала еиҳабы-еиҵбыла ҳаихаҵгыланы ацәажәара ҳалагеит. |
Урҭқәа зегьы ибла анырхига ашьҭахь, днеины адиуан днықәтәеит. |
Еилыӷраа цәаҳәа-цәаҳәа еилдаз иԥенџьыр хшьқәа неиқәышьқьрит. |
Ҳазхылҵызгьы хацәан, дарбанзаалак аӡә иаԥхьа рхы ладмырҟуцызт, нас иарбан ҳара ҳзыцәшәо, ҳаӷуӷуацаӡа ҳаԥсадгьыл ҳшьапы ықугылоуп! |
Бзиала уаабеит, сылашара! |
Анкьаза зны ауаа ҟәышцәахан, зҳәатәы ҳахыԥар ҟамло, хыхь иқәтәоу мычду змоу дзакәу ҳамбар ааураны ҳаҟаӡам, — рҳәан, иааилацәажәан, амардуанқәа еихаргыло ажәҩан икыдлеит. |
Аԥсуаа рыҩқәа дара ирҩызоуп иџьбарацәоуп. |
Агәарабжьара шыҟоу шьоукы бжьалан иааиуан. |
Издыруада, саргьы сгәы усҟан самжьар, схьамҵуа сымҩахь сеихап. |
Ари иаанагозеи, Бадра? |
Афҩы лбааздоит цәгьа гәахәала, издырт, иӷәӷәоуп амч исныру. |
Ианеилаҵәа иҭаҷкәымхоит. |
Игылт кавказаа, игылт еизхәыцуа, Ицәырган рыбаҩ аҵарра. |
Уаргьы усасума, анцәа зылԥха ҳаура? |
Сара исеилкаауп Хәыхәыт Бӷажәбеи Шалуа Инал-иԥеи аԥхьа инаргыланы Дырмит Гәлиа иԥсҭазаааратә мҩеи ирҿиамҭақәеи рыҭҵааҩцәа иара адин дшазыҟаз, дшазааигәаз иаҳхаҳмыршҭып хаҭала аӡы дышӡаарыххьаз, агәыргьын шихарҵахьаз атәы иртоутоуны иахцәажәо иахьаламгаз азы изакәызаалак иахьавсуаз иаргьы, ҳаргьы еиҳа иаҳзеиӷьхеит. |
Ари аҭауад иԥҳәыс хшара данлоуз ауха аҳәсақәа лыдгьыжьылан лымаҵ аура иаҿын. |
Аха ари ирлахьынҵан, Анцәа ирзиӡбаз акы акәын, рлахьынҵақәа еицызар акәхарын. |
Уа быҟаз, уа, сди хазына |
Ашәыр ракәым, ауаа шәыта-мыта амҩа иануп. |
Иналаршә-ааларшәны аты акьиубжьы гоит. |
Раха змада урҭ, џьара акы иҿаирԥар ҳәа дшәошәа ауп урҭ ажәақәа шиҳәаз |
Акыр бжьоума уаха ҳахьԥхьонӡа? |
Аҭӡамц саннаҵоит амза сахьышьҭоу сышьҭыхны. |
Арзаабеи дыжәбахьазар арахь? |
Сшыҵакыз, — иҳәеит, абра ацгәы аакылст. |
Ихчы иавҵаз, атапанча ахәы иавҵыҳәҳәоз иарӷьа напала икын. |
Аҟәа алҵшьагьы изыҟамҵо, алагылашьагьы имамкәаны дыҟан. |
Иара усгьы зыԥсҭазаара уадаҩыз анхаҩыжәлар, џьара цхыраарак ахьрырымҭоз, Аԥсны знапы иакыз амчқәа рахь еиҭаҳәарак ахьыҟарымҵоз, рхы-рыԥсы ада даҽа хьаак ахьрымамыз азы. |
Зосим дҩагылан, аҳақьым лахь анеира иаҽыҵганы дындәылҵит. |
Ааи, аха иара ус дҵааит. |
Ицоит аԥшыхәҩцәа рҟытбжьы мыргауа, зны иҳәазо, зны рыҽҩышьҭыхуа. |
Ихы дазҵаауан. |
Ауардынқәа ааиаанӡа, шәааи, ҳнеицәажәап, — иҳәан, нестор изыԥшыз има абнахь иҿынеихеит. |
Рашь илахь ааиқәҵаны. |
Имҩасуан сымши сыҵхи, урҭ рыԥхӡашеи, рымра лашеи, ркырцхи |
Зны дылхыччеит, Хаҭыџьа лхаҭа ԥҳәысс былмыццозар, уи Урыстәылатәи далууаа даанӡа, сара бахьызгаша бызгоит ҳәа длықәмақаруан. |
Улаԥш аарла ирықәшәоит шьауардынқәак, ажәҩан урҭ ахьалоу ҳаракӡа. |
Ашьха даара игәҿыӷьроуп. |
Аҳҷыԥсаагьы Адлер итәоу аурысқәа ирықәларц ргәы иҭоуп, — рҳәеит. |
Сара аԥҳал азна аазгар уӷәк аџьынџьыхәа саҿа ианын. |
Абарҭқәа зегьы ианрыхәаԥш, иаанхоз ирызнымкыларашәа азгәарҭеит арахь ахалара иаҿыз амч, ҵҩа змаӡамыз аруааи урҭ ртехникеи оумажә ҟаҵо хыхь ахалараз амҩа иқәлахьан. |
Амра лымеида сымамызт аҟнытә. |
Џьымшьи џыши, хәысхәеи ҵыбреи, иҵегь сыԥшаар егьа збап,Еиднакылаз сара схыбра зегь еиҭасҳәар кыр сагап! |
Уи моу, Амырҭаҭра иаҵанакуа анцәахәқәа Мқамгариа, Анана-Гәында уҳәа |
Амҩа нымҩахыҵ игылан ааигәа иԥырҟаз ҵлак ашьапы. |
Сара схазы акәым изысҭаху, ҩыза ԥҳәызбак дсымоуп, убри лзоуп, — лҳәеит лара. |
Иудыруеи, Алгери дгьежьыр. |
Ари Чагә имдыруаз, аус иалган ианаадәылҵ, Каҷбеи днаидгылан |
Иуҩыр иаҳа еиӷьуп, уазхәыц! |