text
stringlengths
0
400
Иҵӡозеи, анаџьалбеит, шьҭа.
Сара, агаӡа аҟаԥшь деилаҳауеит ҳәа, сеимсы ҟаԥшьқәа срықәгәырӷьауа ашҭа сҭан снеиааиуа.
Дҩагылт Сҭеԥан Кирил-иԥа, уаҩ нырҳарак, ҭааҭыӷьак.
Иаразнак гәыԥҩык аҷкәынцәа ааикәшан даарыгәҭыларкит.
Борис зназы ииҳәарыз иҿамшәауа даанхеит.
Шьыбжьхьафара ааиаанӡа, даалырԥшыз џьылшьеит, акәымзар иара баша иблацәа еиқәыԥсан.
Чарак аҟынгьы иҟан.
Урҭ рышьҭра ҩтәрык ашәанрахь иаганы ус иҟоуп.
Лхаҭа уи диеиҷаҳауан, ланхәԥҳа лахь имаз абзиабара иқәҿионы илбаӡомызт, арахь иара иуазыршьа Асҭанда илыхәаӡомызт.
Абахҭа ианҭыҵ, ишиашаз сасааирҭак ахь инеины уаҭахқәак ааныркылт.
Илҳәар, лхаҭа лгәы лнархьуазаргьы, егьа гәнаҳарас илыԥхьаӡозаргьы, лаҳәшьа длыҵашьыцгәышьон Аминаҭ.
Шәнеилалан, ацәашьаршь урԥхар, иуҭаху шалухуеиԥш, иахьуҭаху инаҳәы-ааҳәуа уҷкәын Раԥсҭан днаиҵашәыртәеит, изаҳауаз ишимарымкуа идыруан аҟнытә, Зафас иамаикыргьы, ииҳәауа џьмак аимсара исзаҩызоуп ҳәа аанаго, изаҳауаз днарылаԥшит.
Аҩны данааи, дышԥсуаз идырит.
Ҳқыҭауаа срышьцылеит, икажьны ацара сҭахым, латәарадатәи астудентра ауп исҭаху, — иҳәеит ҭынч-ҭынч Шьабаҭ.
Иаргьы, — иҳәеит аҟароуп ҳәа, агәызҳәа амшын иҽналажьны аҽыкәабара далагомызт уажәы.
Ажәа рысҭахьан, дарбанзаалак аӡәгьы ишиасымҳәо.
Быԥсы иарҭааит, Шьакәа, изакәызеи аҳәақәа ҳәа инаныбҵаз, уаҩы иҳәатәы рмаҳаӡо, уаҩы иҳәатәы харымҵаӡо!
Иазгәаҭатәуп апиеса ахы инаркны аҵыхәанӡа адыд-мацәыс аҩымҭа асиужеттә-композициатә еиҿартәышьа иахәҭакны ишыҟоу.
Иумбои, иара разҟыда иҳәан еиԥш, ацә ахы ҳахо, иааганы иԥсы иаҳҭеит, уахь иҟоу далхымзааит
Дҩыҵыззар, иааихәоит џьара ашәха, имҵаирсуеит дақәшәаргьы жьыхәҭак.
Иамгакәа еиқәхаз аӡхыҵра, усҵәҟьагь, ртәала игаӡам
Ачара иаҳа-иаҳа аилашра иаҿын, иаҳа-иаҳа аилышәшәра ҳаҿын ҳаргьы.
Шькок Беии Исмили аашьҭыхны амҩа инанылеит, ауаа рацәала излеиццаша аҽқәагьы рымаӡамызт усгьы.
Кәасҭа иҟазара дуны илан ашәаҳәара, ачамгәыр, агитара арҳәара, акәашара.
Сафарбеи, абасҟак узыргәырӷьо иумоузеи?
Ҿамырҵысы аҩны адәылҵра ҵасӡам!
Иара убас, иара ус
Ашә изаалыртит.
Угәы ишԥаанагои, аҩыза Дараҭиа Пас-иԥа?
Акәапеигьы хәыҷык акәӡамызт, ҩба анҭаирцәы дуалуашо дааҟалеит.
Иахьагьы аиарҭа иамоу, Габрушьа иҷкәын аиҵбы Аслан ӷәӷәала дырхәит акәымзар, уаҳа аӡәгьы дрыцәҭамхакәа, иалҵит ҳара ҳтәқәа.
Сгәалашәарақәа, аԥхыӡ ссир еиԥш, сҩышьны сышрылаз, санхалаз-санылбааз сызгәамҭаӡакәа, Хабжь ихы аԥҽра аҟара ахмырҵкәа, ахәы ԥшӡа иаҵаршәыз, Касланӡиаа рӡыхь сынхықәгылеит.
Уажә ашьшьыҳәа стәаны сыҩуеит, сгәаҿы ажәеинраалақәа ииуеит.
Урҭ реиҵбы хышә хы ихагылан.
Аха дымтәакәа, дшаҵәы-шаҵәуа ашҭа днықәлеит.
Иаҳҳәап, акәымжәы аԥшьызар, ма еиқәаҵәазар, ачоуҳа акәын усгьы излырхуаз, акаба шкәакәазар акәын, ма иҟаԥшьызар
Дыҟаӡазаргьы иҩызцәа ивӡааижьҭеи игәы каҳаноуп дшыҟоу.
Илҭахӡамызт, илҭахӡамызт, илҭахӡамызт, акы дхьанарԥшит мчыла сара сахь!
Аибашьра анцоз акәын.
Еснагь исеиҳәоит Егьыпт аҟны анхара уадаҩуп ҳәа.
Аҵәаҵлақәа шәҭуеит.
Ихыҭҳәаауп.
Амала арыжәтә рҽадырцалацәар сҭахӡам.
Нас игәы ааиԥсахын
Ус еилкаатәык ҳамоуп, еилаҳкаароуп.
Шәҩызцәа ирҭахызаргьы аҭыԥ ҳамоуп.
Ҳкьаҭеит рҳәан, еигәырӷьеит.
Ачара руит, иеигәырӷьеит.
Абрыскьылгьы иҳәыркьирам.
Дхәыҭхәыҭны, аха ибжьы хәарҭамкәа, даацәажәеит Махьал.
Асасцәа ахьидикылоз аҽаџьаран, ишьҭаларҭа акыр инацәыхараны, арӷьарахьтәи аҿаҟьа уахьынаҿагылоз, Римтәи аимператорцәа Рхан иаҿыбааны иҟаҵаны игылан, иколонна мацараха.
Қәрала еиҳабы-еиҵбыла ҳаихаҵгыланы ацәажәара ҳалагеит.
Урҭқәа зегьы ибла анырхига ашьҭахь, днеины адиуан днықәтәеит.
Еилыӷраа цәаҳәа-цәаҳәа еилдаз иԥенџьыр хшьқәа неиқәышьқьрит.
Ҳазхылҵызгьы хацәан, дарбанзаалак аӡә иаԥхьа рхы ладмырҟуцызт, нас иарбан ҳара ҳзыцәшәо, ҳаӷуӷуацаӡа ҳаԥсадгьыл ҳшьапы ықугылоуп!
Бзиала уаабеит, сылашара!
Анкьаза зны ауаа ҟәышцәахан, зҳәатәы ҳахыԥар ҟамло, хыхь иқәтәоу мычду змоу дзакәу ҳамбар ааураны ҳаҟаӡам, — рҳәан, иааилацәажәан, амардуанқәа еихаргыло ажәҩан икыдлеит.
Аԥсуаа рыҩқәа дара ирҩызоуп иџьбарацәоуп.
Агәарабжьара шыҟоу шьоукы бжьалан иааиуан.
Издыруада, саргьы сгәы усҟан самжьар, схьамҵуа сымҩахь сеихап.
Ари иаанагозеи, Бадра?
Афҩы лбааздоит цәгьа гәахәала, издырт, иӷәӷәоуп амч исныру.
Ианеилаҵәа иҭаҷкәымхоит.
Игылт кавказаа, игылт еизхәыцуа, Ицәырган рыбаҩ аҵарра.
Уаргьы усасума, анцәа зылԥха ҳаура?
Сара исеилкаауп Хәыхәыт Бӷажәбеи Шалуа Инал-иԥеи аԥхьа инаргыланы Дырмит Гәлиа иԥсҭазаааратә мҩеи ирҿиамҭақәеи рыҭҵааҩцәа иара адин дшазыҟаз, дшазааигәаз иаҳхаҳмыршҭып хаҭала аӡы дышӡаарыххьаз, агәыргьын шихарҵахьаз атәы иртоутоуны иахцәажәо иахьаламгаз азы изакәызаалак иахьавсуаз иаргьы, ҳаргьы еиҳа иаҳзеиӷьхеит.
Ари аҭауад иԥҳәыс хшара данлоуз ауха аҳәсақәа лыдгьыжьылан лымаҵ аура иаҿын.
Аха ари ирлахьынҵан, Анцәа ирзиӡбаз акы акәын, рлахьынҵақәа еицызар акәхарын.
Уа быҟаз, уа, сди хазына
Ашәыр ракәым, ауаа шәыта-мыта амҩа иануп.
Иналаршә-ааларшәны аты акьиубжьы гоит.
Раха змада урҭ, џьара акы иҿаирԥар ҳәа дшәошәа ауп урҭ ажәақәа шиҳәаз
Акыр бжьоума уаха ҳахьԥхьонӡа?
Аҭӡамц саннаҵоит амза сахьышьҭоу сышьҭыхны.
Арзаабеи дыжәбахьазар арахь?
Сшыҵакыз, — иҳәеит, абра ацгәы аакылст.
Ихчы иавҵаз, атапанча ахәы иавҵыҳәҳәоз иарӷьа напала икын.
Аҟәа алҵшьагьы изыҟамҵо, алагылашьагьы имамкәаны дыҟан.
Иара усгьы зыԥсҭазаара уадаҩыз анхаҩыжәлар, џьара цхыраарак ахьрырымҭоз, Аԥсны знапы иакыз амчқәа рахь еиҭаҳәарак ахьыҟарымҵоз, рхы-рыԥсы ада даҽа хьаак ахьрымамыз азы.
Зосим дҩагылан, аҳақьым лахь анеира иаҽыҵганы дындәылҵит.
Ааи, аха иара ус дҵааит.
Ицоит аԥшыхәҩцәа рҟытбжьы мыргауа, зны иҳәазо, зны рыҽҩышьҭыхуа.
Ихы дазҵаауан.
Ауардынқәа ааиаанӡа, шәааи, ҳнеицәажәап, — иҳәан, нестор изыԥшыз има абнахь иҿынеихеит.
Рашь илахь ааиқәҵаны.
Имҩасуан сымши сыҵхи, урҭ рыԥхӡашеи, рымра лашеи, ркырцхи
Зны дылхыччеит, Хаҭыџьа лхаҭа ԥҳәысс былмыццозар, уи Урыстәылатәи далууаа даанӡа, сара бахьызгаша бызгоит ҳәа длықәмақаруан.
Улаԥш аарла ирықәшәоит шьауардынқәак, ажәҩан урҭ ахьалоу ҳаракӡа.
Ашьха даара игәҿыӷьроуп.
Аҳҷыԥсаагьы Адлер итәоу аурысқәа ирықәларц ргәы иҭоуп, — рҳәеит.
Сара аԥҳал азна аазгар уӷәк аџьынџьыхәа саҿа ианын.
Абарҭқәа зегьы ианрыхәаԥш, иаанхоз ирызнымкыларашәа азгәарҭеит арахь ахалара иаҿыз амч, ҵҩа змаӡамыз аруааи урҭ ртехникеи оумажә ҟаҵо хыхь ахалараз амҩа иқәлахьан.
Амра лымеида сымамызт аҟнытә.
Џьымшьи џыши, хәысхәеи ҵыбреи, иҵегь сыԥшаар егьа збап,Еиднакылаз сара схыбра зегь еиҭасҳәар кыр сагап!
Уи моу, Амырҭаҭра иаҵанакуа анцәахәқәа Мқамгариа, Анана-Гәында уҳәа
Амҩа нымҩахыҵ игылан ааигәа иԥырҟаз ҵлак ашьапы.
Сара схазы акәым изысҭаху, ҩыза ԥҳәызбак дсымоуп, убри лзоуп, — лҳәеит лара.
Иудыруеи, Алгери дгьежьыр.
Ари Чагә имдыруаз, аус иалган ианаадәылҵ, Каҷбеи днаидгылан
Иуҩыр иаҳа еиӷьуп, уазхәыц!