text
stringlengths
0
400
Слахы саабуам уажәсаазқәылаз, кәыбрык самырцәаҵәҟьеит иаха.
Уигьы азмырхакәа, Ҭаҭласҭан Камаҷыҷ лҭаацәеи, лиашьареи, Алхас иҭаацәеи аӷьычцәа рыжәиҵеит.
Убри лгәы ишалаз аалынлырԥшит Марушьа.
Егьа умҳәан ақалақь дашьцылахьеит, уа аҽакалоуп зегь шыҟоу.
Икарандашь нақәырӷәӷәаны иааиҵәаӷәеит уи аԥҳәыс илызкны ианиҵаз зегьы.
Уаҳа рҽырзеидкыломызт.
Мегги уа аԥаҭлыка еснагь лыхчы иаҵан, уи абзиабара илымаз ҵәахын уа лгәаҵан.
Нас, иза кәу сгәалашәом, аказы ҳаисан еиҭа снапы сымихырц ина пы аҿанааирхоз, Алиқә, ацәа иалашәаз сеидру, иааи иааи зыҭрысын, исыцәицҳарц аԥсык сыгхеит.
Уажәы ааигәа хәылбыҽхак, сара Ԥақәашь акыҭсовет аҟын-тәи Урҭа аҳаблахь сышцоз, гәыԥҩык абыргцәа сна рыхьӡеит.
Избоит ашәи ԥхарак шамам
Зегьы абри астол иакәшаны игылт, амаҳә дыргәылакны.
Радеда, усгьы лылаӷырӡ лзынкыломызт, инеимаҭәаны дқьызқьызуа, длывагьежьуан.
Асас днеиргьы, дҳадаҳкылоит.
Уажәы, ишыжәбо, сара снапы иакуп!
Аеш каканқәак иазԥымҽыз абон иахькаԥсаз.
Абри ԥхашьароуп.
Ҳбаҳча ажь афҩыхаа ыҵан, аҭаара анаҳцәахыԥалакь, ашьхақәа ажьымжәақәа ирықәпапан ажәыргәацқәа гәылырфаауан.
Ауниверсам анаҩыс, ҳара ҳтәқәа амҩа кны иахьгылаз иақәкны
Абаӷәазахь аҭалара иазԥшны наскьа иӡыхгылаз ҳаӷбақәа хԥа ҳзырзымԥшкәа ҳамҩа ҳақәлон.
Убасҵәҟьа.
Аурымқәа ирымпыҵаку Гиуенос?
Инхаз аҭира сналагоит сҳәаны еиԥш аамҭазы аӡәы ичархь хылԥа ырнааны ихаҵаны, дхаԥшшала даасыдгылан, сара санпедстанциатәуп, ари акәац атауар ԥшра амаӡам, иуҭир ҟалаӡом, — иҳәеит, илақәа нада-аада ирԥшуа
Зыхьӡ уаҳа сара исҳәараҳа ирымҳәаша!
Уанеимса, уеиҳабы аҩнынтә хеир абзиара уанаҳәааит, амашәыр алԥха умазааит, иуҭаауа ажьи алухәа аҩы ԥшӡала иужәааит!
Уабаҟаз уажәраанӡа, уанаџьалбеит, уагханы узааи, адгьыл зегь сшахьеитеи, ҳәа анцәа ианиҳәа, урҭ иажәақәа рҭакс аԥсуа абас иҳәеит
Зылԥха ҳаура ҳҳәынҭқар дуӡӡа ҳаиҿагылоума, ҳара уаԥсаҵәык иҟоу ауаа?
Арӡына суқәымшәар лымуит.
Рҩыџьагьы рыԥсҭазаара азкуп ҳлитература, ҳбызшәа аизырҳара, аиқәырхара, рыҷкәын заҵәы деибашуьан.
Уаҩы ишимбац ала ачара ду зуан ҿыҵгак ԥшааны, аҩы рацәаны изжәуан, схы ыҵаргыланы скәашон.
Шәааи, — рҳәеит алақәа.
Зны-зынла, излацәажәоз рымҵәазшәа, инарыбжьаҳауаз аҭынчра рыԥсеивгара еихәланархозшәа, ахәхәаҳәа иаақәыԥсычҳауан.
Иларион Ҭенгиз-иԥа ииҳәаз шәаҳаит ламысла дцәажәеит.
Сара уара ушьтәақәа акгьы сҭахӡам, хырҳагас иуоуааит, абзеираз!
Сара абас иасҳәеит
Даҽаӡәы ибарҭамзаргьы, сара исцәыбҵәахырц баҿума?
Хәыдаԥсада иуоуз ахәшә мчы амам ҳәа иԥхьаӡан.
Сагьыҟам рыбла сыҵамшәо.
Абас, гәыҭыӷьӷьала иҳәоу ажәала иаатуеит ари ашәҟәы аԥхьатәи адаҟьақәа.
Иныҳәақәодаз?
Ианбыкәыз абарҭ ауаа суал анрықәыз?!
Дҭан ахьӡын акәымзар, ашколаҿ данҟази даныҟамзи еиҟаран.
Аригьы ҿыц иаашәыртыз ҭоурыхуп.
Иан лҳәатәы дахьахымхәыцыз, уажәы иҳәатәы ианаирга, аринахысгьы, ихаҳәатәада, акгьы имаҳауа, длымпыҵыҵыр ҳәа дацәшәон.
Ҳаит, абааԥсы, аублаақәа!
Сара сиит сабду иргылаз ахатә кәасқьа аҟны.
Исзымычҳазт срылалеит ирласны, мшынызшәа ицәқәырԥеит сгәаҳәара, сымч-сылшара сыҵасны, исылнаршеит жәаҩык раҟара.
Ацәгьеи абзиеи неивысны Изымцартә иҭшәоуп адунеи
Алааҭых, ахсаԥыҭ уҳәа илдыруазак нылмыжьит.
Даадәылҵыр Инга дналацәажәар цәгьа ибомызт, лаб иҩнаҭаҿы маҷк иахьааидгылаз азы зылаԥш иҵазыршәодаз.
Сыжәлантәи ахаҵара мҩа данықәлоз, аҩны даанижьзаарын зцәа зтәымыз иԥшәма.
Знык сбааӡазаргь сыҽсырбап, ақәа сналсыр амра ԥхоит, Амра ацәыларагь сгәаԥхоит.
Исылшоз ала, лара лзы ацхыраара ҟасҵеит, даазыҳәоз зегьы, саҵамхакәа инасыгӡеит
Фаҭ еихымца еихьырсҩуп, Пахәала амца зкыз аҵәыџьқәа шьҭԥааны ацәашьы азыркуа дреиуоуп.
Иара уеизгьы рыԥсы мцо, иагьымаауа хыла-гәыла ишԥанеиларҵеи, уҳәарауазеи, урҭ аџьнышқәа, аԥсымцқьақәа, акагьы зхараӡамыз, ҳаԥсы ҳзеиқәырхозар ҳәа абнара илҵны, ишәаԥырҳаԥуа зынхарҭақәа рахь ицәырҵыз!
Уи сара саасҭагьы деиӷьуп.
Дәаб аҟәара чабабандаз!
Убри анаҩс, ҳабызшәа аҵара зламариахаша оҩ дашьҭаны сара избоуам, ҳаиҳараҩык уи аҵара злацәгьахаша, оҩы изымшҳәоуа, ҳара аԥсацәацәҟьагьы ҳазы излауадаҩхаша аусқәа ҟаҳҵоит
Мҩак ҳаицықәлеит убринахыс, мышьҭа мышла зхы ыҵызхыз сажәеинраала ацәашьы иаҵәа, схәыҷра ашьацра унхәыҵаҵәа, уҿыноухеит схәы ԥшӡа ухалан.
Уигь сазхәыцхьеит, аха
Қарҭтәи шәавтономтә республика аԥсҭазаашьа, ахандеишьа, акультуратә бзазара абри ауп сара еиҳарак иеилыскаарц исҭаху.
Аԥсуаа зегь уи академиа иахысхьеит руал ԥшьа нарымгӡози!
Игәаӷьы!
Гәырҩа ҳауазма шәаргьы-саргь Иааигәаԥхар
Ааи, дааҳгит, ҳа рҳәит.
Саҭамзааит, аҩыза, саҭамзааит, — лҳәан, ганла днызцәхасны ибырбыруа зҿыналырхаз ахаҵа фархь иахь даахьаҳәын, лыбла агәырӷьа хыҳәҳәыла, аминауаҭра нышьҭалҵан, дырҩегь ажәлар дрылҵәраа атроллеибус аанҿасырҭахь лҿыналхеит.
Уи иаанаго, абри адунеиаҿы ҳара акгьы ҳаԥсам ҳәа ауп.
Гана, аҩныҟа ҳцап!
Аҭакәажә агәылара дцеит цәажәара.
Пиотр, уажәа хьыла иԥысҟоит, сузаԥхьарц сҭахуп цитатак.
Абарҭ дрылоуп Ҟансоу.
Леонид Ӡаԥшьба азакәан еилеигазар, уи азы арзаҳалқәа шәыҩы, ари аус аилыргара апрокуратура ауп изуалԥшьоу!
Уи акәхон.
Избо даараӡа иагоуп.
Маша сымаҭәақәа лыӡәӡәеит.
Сикәыхшоуп шәысзызшаз, Хынҩажәеи ҩба шьҭыбжьы.
Сыззааиуа, алаԥш абас ауаҩы дагар ҟалоит ҳәа сгәы иаанагомызт
Ажәқәа дрыҵан ихьауа, дгәамҵхамҵуа даӷьуа, ажәхьча Уарҭан.
Закә насыԥузеишь иузыԥшу удыруандаз, сбаба хәыҷы.
Ацаха ҟаԥшьқәа ҩынтә иуадаҩмыз ахәрақәа шиоухьаз.
Иаҳәшьа дзыргәамҵуа, лшьара дықәҟьаны дызмоу ихахьы иааигаӡом, анасыԥ лысҭеит, са исыбзоуроуп ҳәа ихы дахыҽхәоит.
Абас ахьыӡ бааԥс схылартә сзыҟарҵазеи?
Иаб иеишәа аргылара аамҭа ааит.
Адидактикахь ииамгакәа иаҳгәалаҳаршәап ажәлар рновелла аҟынтәи ажәақәа
Уахьцаз иубама ашәаԥыџьаԥ еиқәаҵәала еилаҳәаны ишгылаз, ишәаԥшьны иҟаԥшьӡа иҟаз?
Уи иагьа дыбзамыҟәзаргьы, иагьа дӷьатамахжәазаргьы иҩнуҵҟатәи аԥсихологиа, анра-ҷкәынра амчра ду иарԥсыҽуан игыгшәыгратә цәаҩа, иарҿыхон иуаҩра.
Ана-ара аҵлақәа снарыҵагыло-аарыҵагыло исцәыхәлеит.
Иаарԥыхьашәо адацқәеи аҵиаақәеи игәаҭаны афатә злыҵқәоз ркалҭқәарҿы иеидыркылон, ԥыҭк аныҟалалакгьы аҷкәынцәа иркыз ааҵәақәа ирҭарыԥсон.
Бара аԥара изыбҭиит баб, аха сара аҽи акәадыри издәықәысҵеит, — иҳәеит.
Ахәыҷгьы ларгьы шьны џьара ирҵәахызар ҳәа дазхәыцуа, ихы еилаԥсо аҟынӡа днеиит, ҩаха-ҩымш дшаҟьо дрышьҭан, агәырҩа дашьит, дубар дузымдыруа дҟалеит.
Аӡәгьы исимырҟаҵаӡеит, ашырҳәа лхы дааҩахан днеиҿаԥшит, алақәа шәрыԥсам ҳәа ахьлеиҳәаз лзымчҳауа.
Иацы сыԥсуан, ашьыбжьышьҭахь.
Ҳаԥсадгьыл бзиахә агәхьаагара иарҳаз аҳәаццышә ала ихәуп ҳгәы мыждақәа, ари ҳабацәа рашәа ада акы иазыжьжьом!
Мап анакәха, ҳақәҵны ҳцоит зегьы.
Иҟамлари ус, гәыжьжьагас, аӡәы улымҭазар уара?
Ахҭҟьа еиԥшха хыхьынтә ианҭалоз икәлаауа, издыз аҩны амца қьоуқьадха ианакыз, абзарбзанқәа, абомбақәа адгьыл андырҵысуаз, икажьыз ауаа рыхәаара, аҵх цәыршәага уҳәа убас заҟа.
Баша уизгәамҵуеит, аԥсра уацәихьчеит.
Иҟан хҩык аишьцәа, аныки абыки ирыхшаз.
Уи атема ала иҟан аилацәажәара.
Мызкахьы ҩынтә-хынтә ианамуӡах, ма знык.
Абар, аԥсцәаҳа иеихатә хаԥыцқәа рӷәырбжьы ахьгауа, ааԥынра иаршәҭыз адгьыл шьапхыцла ицәыӷьӷьа-цәыԥԥуа иахьааиуа.