text
stringlengths 0
400
|
---|
Ан луаз. |
Ақалақьқәа ԥыххаа еилажьуп, афабрикақәеи азауадқәеи реиҳараӡак аус руам, аихамҩақәа ажьакца рықәлеит. |
Хәымса деимдырххоит, арҭ рҩыџьагьы. |
Ииашазар?! |
Зегь рыла лхы-лгәы дақәгәырӷьо, дара рзыҳәан аду лҳәартәы дыҟоуп. |
Нан дбыкәыхшоуп, бызхылҵыз бзырааӡаз сара сзы акәын! |
Ахаангьы ҳаанызкыло мчы зыҟалаӡом, избанзар ҳдоуҳа ҳаразкуа Анцәа хьышьаргәыҵа дуӡӡа ҳара дҳацуп! |
Акәымзар сылрылаԥс сцоит. |
Иҭылашьцааӡа аџьаҳаным кәара дынҭаԥшит. |
Ҵабыргны, иаргьы Аԥсны азыҳәан дыӷәӷәаны дахьыҟалашаз дашьҭан, насгьы ахара ахәыцра зылшоз иакәны ижәлар днарылагылт, дад. |
Абас, ишымгәыӷӡоз ҳаҳәшьцәа аҩыџьа еиқәшәеит Селым-ԥашьа иуадалықь аҿы. |
Иҵегьы дылзааигәаны даалыдгылан, деиҭаҵааит Хариташвили. |
Сара шаҟа исҭахузеи иамхра |
Саб ныҳәак еиԥш ишьон Платон инеира, ихалагьы акәӡамызт, иҩызцәа ицны днеир бзиа ибон. |
Ҳамҩа иаԥгылоу наҟ шәаԥырҵроуп |
Изакәызеи, иухәыц? |
Лан дбаны, аӡӷаб даага рымҳәози. |
Уа аӡыхьаҿ ашьац иаҵәа рыбжьы ныҵакны ианго, аԥслыш бҽавакуа бара цасҳәа быҽбырӡлон, сара сбышьҭан аӡаӡаҿы бышьҭа еимдо |
Дҩагылан, ииҳәаз сшадгыло шәсырдыруеит иҳәарц иҭахызшәа, ахылԥарч зхаз днаидтәалеит. |
Ачара уи аҿҳәара ԥысҵәеит, исыгыз-исыбзаз еидгалан, сықәлеи-суеи ирыхсырҵәеит, чара бзызуит ҭагалан. |
Қәабк иҭыҵыз абысҭа лымҵоуп, Ааҳа-ҳааира! |
Ишәымбои ирыхьуа |
Ани аҟара амал зырҳаз хәыҷык ахшыҩ имахарын, башаӡак иакәмызт. |
Хаҿык змоу аҟаҵарбала иаарԥшу азҳәа аԥхьа азыхҳәаа гылазар, усҟан асинтаксистә субиект рбага ԥынгыла иаҟаҵарба иацыршәоит |
Аӡәыр илдыруазар абри илдыруеит ҟаиҵан, аҳәыҳәқәа ахәаша нарымҵаԥсо, еиџьыԥӡа ахаҳә иқәтәаз аҭакәажә даалхагылеит Ӡыкәыр. |
Акы, ҳаԥсы шҭоу апассаџьырцәа ҳарфарц иҟоуп саргьы Мон-гогьы. |
Уара ухы хьчала, сыҷкәын, сара исурхьуеи. |
Уаб иԥсра сгәы иалсит! |
Аԥсадгьыл агәбылра, аҩызара бзиа, апату, излымшауа ицхыраара, ирыцҳау ирыцҳашьара, иаҵахаз иаҭамҵара, игәаҟуа иҿыхра |
Иҟалазеи, уаазцазеи уаха ҵхыбжьон? |
Иранаижьуамызт рыгха-ԥхақәа, уи азингьы иман, жьра-цәарала еиԥш, гәыла-ԥсылагьы дрылахәын. |
Уара дубоит, аха лара улбо бзиа? |
Зны сыԥшызар, хәылбаҽхак рашьыҭ ихьыӡ сшьон Елзбар ҳәа иасҳәон, сара сҭацамзи, сабхәындцәа дреиуан иара даауеит. |
Аиаша уҳәозар, аԥхьатәи иқәгылара уажәы дзаҿагыломызт. |
Зегьы анааҩнала, дҩагыланы днарԥылан, рнапқәа рымихит Сасрыҟәа ида егьырҭ. |
Сахьынҳалан искуп уажә маакырак, сыҵаҟа исыҵаҽҽо ӡиаск цәқәырԥоит. |
Урҭ жаҳәо ицоит, иаанҿасуам, амхқәа рахь ишиашоу ицоит. |
Дахьгылаз иҩахыкшәа аӡы ахаҳә дуқәа иахьырхыҽҽоз, акраамҭа иззыԥшыз аӡәы харантәи дгәанаҭан иччошәа убон. |
Ашҭа сааҭалан сынхарҭахь ахаларҭа сааҵагылон еиԥш, амардуан адыр-дырҳәа ирҵысны, изнапык ала автомат кны длалбааҟьеит Абзик. |
Уажәы сырзааҭгылап аџьабаа ду зыдбаланы ирааӡаз ҳара рыхшара, реиҳараҩык рԥхазаргьы, иаанхаз рзы, баша иааԥсоу, мамзаргьы |
Иабду дгылан урҭ дырзыԥшуан. |
Ахра дуқәа зашәа рхыҩуа, Наунагӡаз иԥсы ҭоуп! |
Сҭеԥана, Сҭеԥана! |
Кавказ зегьы шәабаагәароуп, рыԥсы шәхами ҳҭыԥԥшьақәа, хышәҩык Анацәа Рҳақ шәанԥшыла, иавсуа зегьы иаҳныҳәарҭоуп, уа бжьыцқьала шәамҵахырхәа, ҳҭоуба урҭоуп, ҳныхахәоуп! |
Аунивермаг ҳахьыҩхалаз, уаанӡа аплашьи ашлиапеи аасхәароуп зҳәоз аҳәынҵәрақәа рыҟәша длагәылалан, аҳәынҵәра хкқәа зегьы ааимидеит. |
Асҭанда ас ала лхы лыхьчон, егьи аганала Баҭыр дшылзыҟаз илжжызар еилылкаауан. |
Ибзиоуп, ҳаржьазааит, ҳаргьы рыгәра аагазааит, урҭ зышьҭаз рыблала ирбеит |
Лаб дҭакуп, лан дылцәыԥсхьеит. |
Ус, ҿырԥшӡагас акәым-кәа, иаша цқьала агәра аагахьеит, ажәларгьы инеигымкәа ирдыруеит, уара уиашареи, ууаҩреи, ухьӡи-ухьымӡӷи ахьынӡаҳараку. |
Зыкәтыц кьарахә рхианы, аҵҟьарҭа ацәаҳәа еиқәаҵәа ахаҿы игылаз ахаҵа данхыс, ԥшаласшәа днаҵҟьеит зыкәтыц кьарахә хыршаны изкыз арԥыс. |
Ацәгьа абзиа уҳәа иахьырзеиԥшу џьара ианцатәу унеи-снеи ҳәа еиқәҿыҭны, еизыԥшны еицныҟәон. |
Ауха ишсыршаз ашәа уқәшәира иршааит! |
Статиак шәыдызгалар сҭахуп. |
Ҳажәымҭа ирцәгьазар иҳәа, дад, ахаҵа дызқәымшәо акгьы ыҟам, сара схаҵоуп, — иҳәеит Нодар иаб, аарла иҿы ҩеихыхны, Борис иԥштәы шиԥсахыз аниба. |
Ара аԥҳәызба ӡыла ирҭәны лыжәҩахыр иқәгылоу аԥҳал еиԥшушәа лбон. |
Амаӡаныҟәгаҩ лнапы ашә ахьҿаз иналырхеит, иаргьы дныҩналеит. |
Убасҵәҟьа акәымзи дшыҟаз Аԥсар |
Абра аԥшәымас иҟоу дысурбар сҭахын ҳәа. |
Дызбеит, — иҳәеит иара, дыччо. |
Агәашә аԥхьа амҩаду аган дангылан, Гагра ицоз маршрут таксик аабжьысуазар ҳәа. |
Ҳгәырӷьаҵәа ҳнарԥылон уи иҩызцәагьы. |
Шьазина лылаӷырӡқәа лықәҵәиаашо лҽылзеиқәкуамызт |
Ажәак ааиҿыҵҟьар ахы шиаахоз идыруан. |
Оо, исымдыркәа, ачын, амал, амузыка, аҳәса |
Ҷаарыхәҩынтәҟа длыԥхьахьан, иҿыцыз агьылзиҿыхуамызт. |
Сыԥсы уагьы џьа иакуамызт. |
Аӷьычрақәа, ацәгьоурақәа раб, аихарақәа, аигәҭасрақәа раб! |
Зныкгьы иаҳмырбаӡакәа асы, умҩаслоит, асас еиԥш, лассы, суҳәоит, аӡын, сык лашьҭы, уаҩҵас шәарыцара сышьҭы! |
Адунеи иқәу аԥстәқәа дреиԥшзымтәыз. |
Уи гәеиҭеит иара. |
Егьарааны дубаргьы, ихәы ӡаны ирфазшәа, џьара ччаԥшьк ибла иҵшәомызт. |
Анык илыхшаз еиҿагыла еиқәԥо, ишнибахуа атәымуаа рхатәома? |
Уаҳа шәрацәажәартә ижәбада? |
Ԥсыхәас иҟоу акызаҵәык ауп |
Уи иашоуп, сахьыбӷалаз збаз, агәра рызгом, сыԥсы еиқәхеит ҳәа. |
Акы шсылҵуаз уиалагьы иҩашьомызт |
Саргьы шәақьла сеибашьуан, ашәақьқәа хысуан аҵықь ҳәа, сҿажәкны ҿысҭуан |
Мамоу, џьушьҭ, аколнхаҩ ҭыԥҳа лҿы сара усс исымоузеи! |
Асар рымҩа! |
Еилыскааит, аа, иубома, сҿы еихакны стәоуп, уцәажәала. |
Сара ашкол ахь сцаӡом сҳәеит, неиҭеиҳәеит Баҭал, илақәа ҵырхәны адашьма дышьҭаԥшуа, уа исзеилымкаауа бызшәак рҳәоит, рыбжьқәагьы дууп, исацәҳауазар акәхап |
Ҵаҟа апропуск аалхны хыхь дыҩхалеит, акоридор аҿы дмырԥшыкәа лассгьы дидикылеит аусеилыргаҩы. |
Саргьы салалеит убри агәыԥ. |
Адәахьынтә еиҭах ааҩра иалагеит атрактор ашьҭыбжь. |
Актәи ашәҟәы аҿы санаклакь ҳәа ианыз ажәа, егьырҭ рҿы санаклак ҳәа иԥсахын. |
Аӡы измыруа, ибааӡахьоу, знык аҿышәҭаҿ шәнаӡахьоу?! |
Ахьхьа-џьџьаҳәа еилаз аҭаацәа ду, аҭаацәа гәырӷьахә ззырҳәоз аҟынтәи иахьа иараӡәк иоуп инханы исымоу. |
Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит еицхырааларц ацәгьоуреи, атерроризми, аккорупциеи, закәандарыла абџьар еиҭарсреи, анаркотикатә маҭәашьарқәеи, арҩышьыгақәеи, аекономика аусхк аҟны аилагарақәеи, ауаа рыԥсҭазаара ашәара иҭазыргыло ацәгьоурақәа раԥырҟәҟәааразы. |
Иахьагьы сыбла дыхгылоуп, лыԥсаҭа бзиахааит, аҳкәажә ҳәа зарҳәоз, Ҟамлаҭ иԥҳәыс Ҳауида, ркәаскьа абарҵа дықәгылоуп, ҿымҭ-ԥсымшьҭ лылабжышқәа лӡамҩақәа ирхьыхәхәы ицоит, лнацәкьарақәа ирхаз амацәазқәа намӷылхуеит, ллымҳарыҩқәа намылхуеит, инадлыркуеит арҭ, акомҿараа, рыцҳа, цас иҟалҵазу, лыхәда ахыхра цәгьаҵәҟьазу сыздыруам, лыхәдахаҵа ахыхра дадхалеит. |
Ахаан исымжәыц убри аҩыза аныҳәаҿа. |
Иуаҳама Мурман? |
Икаҳҿаз аҵлақәа азҟароу убауоу?! |
Татеи ашьшьыҳәа ихала аккара дыҵаланы днеиуан, дныҭгыла-ааҭгыло, иоуразоуроу зегьы хәыцрак иҽаҭо, амҵ амҵәыжәҩабжьы аиԥш иналаршә-ааларшәны, аарла, иара ида уаҩы изеилмыргоз быжьқәак иқәацқәацоз иқьышәқәа ирықәыҩуа |
Егры ахықә ианазааигәаха, абнара еиҳа-еиҳа ажәпахара иалагеит. |
Днықәгыла-аақәгыло иныҟәоз уаҩы мацқьа-шьацқьак иакәын иара. |
Сыԥсуеит умбои! |
Сани саби ирзызыҩуаз асалам шәыҟәқәа ахьаанҵәоз ианысҵон |
Автоматқәа рхысбжьык ааиқәтәаӡомызт. |
Ацуныҳәа иақәӡит қыжәк, ақәак изымгәаӷьит Анцәа. |
Шьыбжьоншьҭахь чаик ҳнахәаны акаиута аҿы ашахмат иасуаз, анард ихәмаруаз ҳшеилатәаз аӷба инахыҩҩит игәыҭҟьагаз атҟәацбжьы. |