text
stringlengths 0
400
|
---|
Слахы саабуам уажәсаазқәылаз, кәыбрык самырцәаҵәҟьеит иаха. |
Уигьы азмырхакәа, Ҭаҭласҭан Камаҷыҷ лҭаацәеи, лиашьареи, Алхас иҭаацәеи аӷьычцәа рыжәиҵеит. |
Убри лгәы ишалаз аалынлырԥшит Марушьа. |
Егьа умҳәан ақалақь дашьцылахьеит, уа аҽакалоуп зегь шыҟоу. |
Икарандашь нақәырӷәӷәаны иааиҵәаӷәеит уи аԥҳәыс илызкны ианиҵаз зегьы. |
Уаҳа рҽырзеидкыломызт. |
Мегги уа аԥаҭлыка еснагь лыхчы иаҵан, уи абзиабара илымаз ҵәахын уа лгәаҵан. |
Нас, иза кәу сгәалашәом, аказы ҳаисан еиҭа снапы сымихырц ина пы аҿанааирхоз, Алиқә, ацәа иалашәаз сеидру, иааи иааи зыҭрысын, исыцәицҳарц аԥсык сыгхеит. |
Уажәы ааигәа хәылбыҽхак, сара Ԥақәашь акыҭсовет аҟын-тәи Урҭа аҳаблахь сышцоз, гәыԥҩык абыргцәа сна рыхьӡеит. |
Избоит ашәи ԥхарак шамам |
Зегьы абри астол иакәшаны игылт, амаҳә дыргәылакны. |
Радеда, усгьы лылаӷырӡ лзынкыломызт, инеимаҭәаны дқьызқьызуа, длывагьежьуан. |
Асас днеиргьы, дҳадаҳкылоит. |
Уажәы, ишыжәбо, сара снапы иакуп! |
Аеш каканқәак иазԥымҽыз абон иахькаԥсаз. |
Абри ԥхашьароуп. |
Ҳбаҳча ажь афҩыхаа ыҵан, аҭаара анаҳцәахыԥалакь, ашьхақәа ажьымжәақәа ирықәпапан ажәыргәацқәа гәылырфаауан. |
Ауниверсам анаҩыс, ҳара ҳтәқәа амҩа кны иахьгылаз иақәкны |
Абаӷәазахь аҭалара иазԥшны наскьа иӡыхгылаз ҳаӷбақәа хԥа ҳзырзымԥшкәа ҳамҩа ҳақәлон. |
Убасҵәҟьа. |
Аурымқәа ирымпыҵаку Гиуенос? |
Инхаз аҭира сналагоит сҳәаны еиԥш аамҭазы аӡәы ичархь хылԥа ырнааны ихаҵаны, дхаԥшшала даасыдгылан, сара санпедстанциатәуп, ари акәац атауар ԥшра амаӡам, иуҭир ҟалаӡом, — иҳәеит, илақәа нада-аада ирԥшуа |
Зыхьӡ уаҳа сара исҳәараҳа ирымҳәаша! |
Уанеимса, уеиҳабы аҩнынтә хеир абзиара уанаҳәааит, амашәыр алԥха умазааит, иуҭаауа ажьи алухәа аҩы ԥшӡала иужәааит! |
Уабаҟаз уажәраанӡа, уанаџьалбеит, уагханы узааи, адгьыл зегь сшахьеитеи, ҳәа анцәа ианиҳәа, урҭ иажәақәа рҭакс аԥсуа абас иҳәеит |
Зылԥха ҳаура ҳҳәынҭқар дуӡӡа ҳаиҿагылоума, ҳара уаԥсаҵәык иҟоу ауаа? |
Арӡына суқәымшәар лымуит. |
Рҩыџьагьы рыԥсҭазаара азкуп ҳлитература, ҳбызшәа аизырҳара, аиқәырхара, рыҷкәын заҵәы деибашуьан. |
Уаҩы ишимбац ала ачара ду зуан ҿыҵгак ԥшааны, аҩы рацәаны изжәуан, схы ыҵаргыланы скәашон. |
Шәааи, — рҳәеит алақәа. |
Зны-зынла, излацәажәоз рымҵәазшәа, инарыбжьаҳауаз аҭынчра рыԥсеивгара еихәланархозшәа, ахәхәаҳәа иаақәыԥсычҳауан. |
Иларион Ҭенгиз-иԥа ииҳәаз шәаҳаит ламысла дцәажәеит. |
Сара уара ушьтәақәа акгьы сҭахӡам, хырҳагас иуоуааит, абзеираз! |
Сара абас иасҳәеит |
Даҽаӡәы ибарҭамзаргьы, сара исцәыбҵәахырц баҿума? |
Хәыдаԥсада иуоуз ахәшә мчы амам ҳәа иԥхьаӡан. |
Сагьыҟам рыбла сыҵамшәо. |
Абас, гәыҭыӷьӷьала иҳәоу ажәала иаатуеит ари ашәҟәы аԥхьатәи адаҟьақәа. |
Иныҳәақәодаз? |
Ианбыкәыз абарҭ ауаа суал анрықәыз?! |
Дҭан ахьӡын акәымзар, ашколаҿ данҟази даныҟамзи еиҟаран. |
Аригьы ҿыц иаашәыртыз ҭоурыхуп. |
Иан лҳәатәы дахьахымхәыцыз, уажәы иҳәатәы ианаирга, аринахысгьы, ихаҳәатәада, акгьы имаҳауа, длымпыҵыҵыр ҳәа дацәшәон. |
Ҳаит, абааԥсы, аублаақәа! |
Сара сиит сабду иргылаз ахатә кәасқьа аҟны. |
Исзымычҳазт срылалеит ирласны, мшынызшәа ицәқәырԥеит сгәаҳәара, сымч-сылшара сыҵасны, исылнаршеит жәаҩык раҟара. |
Ацәгьеи абзиеи неивысны Изымцартә иҭшәоуп адунеи |
Алааҭых, ахсаԥыҭ уҳәа илдыруазак нылмыжьит. |
Даадәылҵыр Инга дналацәажәар цәгьа ибомызт, лаб иҩнаҭаҿы маҷк иахьааидгылаз азы зылаԥш иҵазыршәодаз. |
Сыжәлантәи ахаҵара мҩа данықәлоз, аҩны даанижьзаарын зцәа зтәымыз иԥшәма. |
Знык сбааӡазаргь сыҽсырбап, ақәа сналсыр амра ԥхоит, Амра ацәыларагь сгәаԥхоит. |
Исылшоз ала, лара лзы ацхыраара ҟасҵеит, даазыҳәоз зегьы, саҵамхакәа инасыгӡеит |
Фаҭ еихымца еихьырсҩуп, Пахәала амца зкыз аҵәыџьқәа шьҭԥааны ацәашьы азыркуа дреиуоуп. |
Иара уеизгьы рыԥсы мцо, иагьымаауа хыла-гәыла ишԥанеиларҵеи, уҳәарауазеи, урҭ аџьнышқәа, аԥсымцқьақәа, акагьы зхараӡамыз, ҳаԥсы ҳзеиқәырхозар ҳәа абнара илҵны, ишәаԥырҳаԥуа зынхарҭақәа рахь ицәырҵыз! |
Уи сара саасҭагьы деиӷьуп. |
Дәаб аҟәара чабабандаз! |
Убри анаҩс, ҳабызшәа аҵара зламариахаша оҩ дашьҭаны сара избоуам, ҳаиҳараҩык уи аҵара злацәгьахаша, оҩы изымшҳәоуа, ҳара аԥсацәацәҟьагьы ҳазы излауадаҩхаша аусқәа ҟаҳҵоит |
Мҩак ҳаицықәлеит убринахыс, мышьҭа мышла зхы ыҵызхыз сажәеинраала ацәашьы иаҵәа, схәыҷра ашьацра унхәыҵаҵәа, уҿыноухеит схәы ԥшӡа ухалан. |
Уигь сазхәыцхьеит, аха |
Қарҭтәи шәавтономтә республика аԥсҭазаашьа, ахандеишьа, акультуратә бзазара абри ауп сара еиҳарак иеилыскаарц исҭаху. |
Аԥсуаа зегь уи академиа иахысхьеит руал ԥшьа нарымгӡози! |
Игәаӷьы! |
Гәырҩа ҳауазма шәаргьы-саргь Иааигәаԥхар |
Ааи, дааҳгит, ҳа рҳәит. |
Саҭамзааит, аҩыза, саҭамзааит, — лҳәан, ганла днызцәхасны ибырбыруа зҿыналырхаз ахаҵа фархь иахь даахьаҳәын, лыбла агәырӷьа хыҳәҳәыла, аминауаҭра нышьҭалҵан, дырҩегь ажәлар дрылҵәраа атроллеибус аанҿасырҭахь лҿыналхеит. |
Уи иаанаго, абри адунеиаҿы ҳара акгьы ҳаԥсам ҳәа ауп. |
Гана, аҩныҟа ҳцап! |
Аҭакәажә агәылара дцеит цәажәара. |
Пиотр, уажәа хьыла иԥысҟоит, сузаԥхьарц сҭахуп цитатак. |
Абарҭ дрылоуп Ҟансоу. |
Леонид Ӡаԥшьба азакәан еилеигазар, уи азы арзаҳалқәа шәыҩы, ари аус аилыргара апрокуратура ауп изуалԥшьоу! |
Уи акәхон. |
Избо даараӡа иагоуп. |
Маша сымаҭәақәа лыӡәӡәеит. |
Сикәыхшоуп шәысзызшаз, Хынҩажәеи ҩба шьҭыбжьы. |
Сыззааиуа, алаԥш абас ауаҩы дагар ҟалоит ҳәа сгәы иаанагомызт |
Ажәқәа дрыҵан ихьауа, дгәамҵхамҵуа даӷьуа, ажәхьча Уарҭан. |
Закә насыԥузеишь иузыԥшу удыруандаз, сбаба хәыҷы. |
Ацаха ҟаԥшьқәа ҩынтә иуадаҩмыз ахәрақәа шиоухьаз. |
Иаҳәшьа дзыргәамҵуа, лшьара дықәҟьаны дызмоу ихахьы иааигаӡом, анасыԥ лысҭеит, са исыбзоуроуп ҳәа ихы дахыҽхәоит. |
Абас ахьыӡ бааԥс схылартә сзыҟарҵазеи? |
Иаб иеишәа аргылара аамҭа ааит. |
Адидактикахь ииамгакәа иаҳгәалаҳаршәап ажәлар рновелла аҟынтәи ажәақәа |
Уахьцаз иубама ашәаԥыџьаԥ еиқәаҵәала еилаҳәаны ишгылаз, ишәаԥшьны иҟаԥшьӡа иҟаз? |
Уи иагьа дыбзамыҟәзаргьы, иагьа дӷьатамахжәазаргьы иҩнуҵҟатәи аԥсихологиа, анра-ҷкәынра амчра ду иарԥсыҽуан игыгшәыгратә цәаҩа, иарҿыхон иуаҩра. |
Ана-ара аҵлақәа снарыҵагыло-аарыҵагыло исцәыхәлеит. |
Иаарԥыхьашәо адацқәеи аҵиаақәеи игәаҭаны афатә злыҵқәоз ркалҭқәарҿы иеидыркылон, ԥыҭк аныҟалалакгьы аҷкәынцәа иркыз ааҵәақәа ирҭарыԥсон. |
Бара аԥара изыбҭиит баб, аха сара аҽи акәадыри издәықәысҵеит, — иҳәеит. |
Ахәыҷгьы ларгьы шьны џьара ирҵәахызар ҳәа дазхәыцуа, ихы еилаԥсо аҟынӡа днеиит, ҩаха-ҩымш дшаҟьо дрышьҭан, агәырҩа дашьит, дубар дузымдыруа дҟалеит. |
Аӡәгьы исимырҟаҵаӡеит, ашырҳәа лхы дааҩахан днеиҿаԥшит, алақәа шәрыԥсам ҳәа ахьлеиҳәаз лзымчҳауа. |
Иацы сыԥсуан, ашьыбжьышьҭахь. |
Ҳаԥсадгьыл бзиахә агәхьаагара иарҳаз аҳәаццышә ала ихәуп ҳгәы мыждақәа, ари ҳабацәа рашәа ада акы иазыжьжьом! |
Мап анакәха, ҳақәҵны ҳцоит зегьы. |
Иҟамлари ус, гәыжьжьагас, аӡәы улымҭазар уара? |
Ахҭҟьа еиԥшха хыхьынтә ианҭалоз икәлаауа, издыз аҩны амца қьоуқьадха ианакыз, абзарбзанқәа, абомбақәа адгьыл андырҵысуаз, икажьыз ауаа рыхәаара, аҵх цәыршәага уҳәа убас заҟа. |
Баша уизгәамҵуеит, аԥсра уацәихьчеит. |
Иҟан хҩык аишьцәа, аныки абыки ирыхшаз. |
Уи атема ала иҟан аилацәажәара. |
Мызкахьы ҩынтә-хынтә ианамуӡах, ма знык. |
Абар, аԥсцәаҳа иеихатә хаԥыцқәа рӷәырбжьы ахьгауа, ааԥынра иаршәҭыз адгьыл шьапхыцла ицәыӷьӷьа-цәыԥԥуа иахьааиуа. |