text
stringlengths
0
400
Дыҟоуп, дыҟоуп, дыҟоуп, дыҟоуп.
Узусҭада ҳәа диазҵаар?
Абри аамҭазы амашьына абжьы аагеит.
Замира лҿгьы дцахьан лара.
Иҭабуп, аиҳабра-еиҵыбра анцәа иу-қәимырӡааит, ауаҩытәыҩса дызшаз!
Ҭырбеи игәышԥы ҭцашәа дахьгылаз днеизыԥшын, дмариакхоит ари уаҳәшьаԥа, — иҳәан, анышь ақьышә аҵарра днагәҭасын, иҩызцәеи иареи уахь инақәтәан, аматор аус ааруны, ҩаԥхьа аӡы инхылеит.
Ҭина лоуп раԥхьа акасса днадгыланы иҵааз.
Зны-зынлагьы мчыла ччаԥшьк ацәаара насҿықәсҵон.
Шаҟаҩ иара иацәҳауазеи, шаҟа гәннагои.
Иара ииҭаху идыруама, ашәеиқәа далоуп.
Узгылеи уара иахьа ас заа?
Хәыҷи дуи.
Иҽааирҵысуан иҽаардаданы.
Зны, Гач дцәажәарц иҿы анааихих, егьырҭ икәшо ианалага, даашьҭыхны ижәҩахыр дықәиртәеит.
Хар сымам, — иҳәоит аԥсуа.
Имыччакәа, насгьы имыхәмаркәа аԥсшәа уарҳәаӡом.
Ус шакәызгьы еиҭа ааҭынчрахеит.
Мамоу, мамоу, иҳауҭо ҳәа зны!
Сослан, сҩыза иаша!
Ишәҟәыҭра рчны изнапык иакын.
Разан зны днақәтәон, зынгьы игәы хыхь иҩарханы, дагьнақәиалон.
Зегьы ирҳәо акоуп
Аҵхыбжьон сымгыларгьы сабацоз
Убри аҟнытә, сынтәа ауалафахәы зышәҭахьоу зегьы рыхьӡынҵа зну аџьамшанҵақәа ԥшааны исбырбароуп.
Уи ззымдыруа, уи ҳаҭыр ззақәым, иҵызшәаауа ак ҟаларгьы усс измам иаҟарагьы ирыцҳау, аҽакала иуҳәозар, имриу дзыҟалома?
Уи аӡбахә аԥсилаа зынӡаскгьы ирыздырӡом.
Уажәтәи аамҭазы аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа наигӡоит аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Борис Абитов.
Уи ижәлар арыцҳара ианақәшәа
Лара ангьы уи аҵыхәала лыҷкәын аҟьыбызшәаҳәаҩ ишызбоз лызхараҵәҟьа икыдылҵеит, аха акгьы иаҳмыхәеит.
Шьҭыбжьыла аԥырхага аҟаҵара аусурахь диасит.
Аха убри иҿыҵаку ахрыӷ кәакәаргьы афара дақәиҭӡам!
Рҭацацәа нарԥыр шәар, ацәымҳа рыҿшәазшәа аҿыҭра иалаго
Панџьа, уаала аҭыԥ ахь ҳалбаап, уаҟа акраҳфап.
Ишлыҵшәадоу уажәыгь агәра умгаӡаци?
Ма иӡырҭа-иԥсырҭа аадыруандаз, џьушьҭ!
Уи еилкаауп, ҳаԥсадгьыл усгьы иргеит, аха ҳажәлар ирымаркызеи?
Сымацара сыҟан аҩны.
Иакәым ҳхылҿиаар аасҭа наҟ сырԥырҵыр иаҳа еиӷьуп.
Ажәлар реилацәажәара ашьҭахь ииасит аҽырхәмарреи аҽырыҩрақәеи рышҟа.
Шәеинаалароуп, дад, Хәыхәын!
Ахыбра ҳамоуп, ҳашԥаҵамӡари, ҿаалҭын, аӡәаӡәала игәыдылкылеит.
Адәҳәыԥш иаҵәақәа уарҳалуп, ишьҭоуп еиҵыхны сшьапаны.
Ар аныҟала, урҭ аибашьрахь, ажәыларахь ианнеиуаз бираҟк ркымкәа ҟалашьа амамызт.
Егьырахь атекстқәа еиԥшымзаара рымаӡам.
Шагә имаҳә дизымчҳауа днеихьеит.
Исхамшҭуа исоухьоу ахьаақәа иреиуагәышьоуп убригьы.
Сеиха сышьҭахь смаҟа-па инавҵаҵаны, амахәқәа рҟынӡа сыҽшԥасзышьҭымхри ҳәа сыӡбеит.
Сара уаҳа насылымшо, уаҳа инахымшәо раҳаҭыр збоит аԥҳәысжәла, аха рацәак бзиа избаӡом.
Дызгашаз ахы зықәшәаны иқәыз аублаа, баша ицәыригомызт ахацәа рашәа.
Аибашьра амцабз иалҵыз, абла хаа бзиабарас исыԥхьаӡазар?
Ачара аҽны аҭацаагацәа андәықәырҵоз аԥҳәыс даазгоз аҷкәынгьы дцеит.
Уи иҽазҵәылхны дашьҭан жәлар ртеатр аартра
Баҭыр уа иҽԥникылақәаз рыда, дызлеиҵаҟәаҟәаз азхәыцра аҭахын.
Шәыҟәрышьгьы саҳәом, шәмааҭгьы сҭахым, амала, абри арԥыс сжьақәа дрылахәмарырц далагар, иаҳмаҳаит шәымҳәан, аеҵәақәа рыԥхьаӡара шәықәсыршәоит
Хҩык ҳаҟоуп Аԥсынра, Баграт, Мушьни, нас сара!
Иџьашьаны уахәамԥшын ари асалам шәҟәы.
Иааҟоуҵалакгьы икны исзааугароуп.
Уи днеиуеит, Гарԥ ахәы акьышәкьышәра днықәԥрааны, дыш шаӡа, Уаҭҳара ақыҭа дынхалазшәа игәы-ишьымхы иҵԥраауа.
Забхәаиҿ иԥхашьо аҭаца!
Аха сгәаанагара сажьама сҳәо сааҟалеит аполиакцәа анемец мба иажәло ианалага, ишыгәныркылоз, еицҿакны ишеицыҳәҳәоз ала.
Аха уаҟа асатирара акомедиарахь иаҳа иԥшуеит, акомедиареи атрагедиареи еилахәны рышьхәа еивҵоуп.
Ҳҵеицәа рыгәхьаагара, хьаауп даҽакала, гәнаҳак шьҭа ирыцҳҵар, ҳӡыхьқәа ҭабап.
Иаҳа иахьеилаԥаҭаз ахәажәбӷьыжәра дылажьын.
Ақәыџьмақәа рҟазшьа сымхацәгьахан срыхәаԥшуан.
Ашьҭахьала амра ианаршлак, афҩы лаҳа-лаҳауа иҟалоит.
Ргәы иҭаслашт, џьоукгьы, агәы зызҭаӡам, геи-шьхеи рыбжьқәа рныҩуа.
Убасҵәҟьа акәын араион аиҳабацәагьы иҿаԥхьа рхы ларҟәны ишымҩаԥыргоз.
Марыҭхәа иҭаацәа рыԥсы шьаны, ашьха ҳауа ршьа-рда аларҷкәынны ианца, уинахыс, иара иеиԥш зеиԥшыз иҩызцәақәаки, рыжә аҵша аризшәа, еснагь иччоз, еснагь иҿы цыз аҳәсақәа рыцны сабшала, мҽышала абрахь аара ианалага инаркны, иҟалҵарц уалс илыдуп ҳәа иԥхьаӡаны, иналыгӡарц илӡбыз, ашҭа дҭыҵны лцарала инаӡозшәа лбон.
Ауха Алик иҩызак сылҭан, уа Мысра.
Исҭахуп иугәаласыршәарц, иҟалоит уара иухашҭзар, аԥсра-аӡра мҩа ансзалухыз атәы
Еснагь сиурпризк лзыҟасҵалар бзиа избон.
Каҷыҷ лыблақәа хааӡа лара лхәыҷқәа реиԥш асас хәыҷқәагьы дрыхәаԥшуан.
Араҟа шәыдгьыл иаҷыдароуп ҳәа сыҟоуп.
Урҭ ус ианеинылҟьоз акәын ианыдыдуаз, ианымацәысуаз.
Урҭгьы уахь рҿынархеит.
Ҳгәы мцароуп.
Афрангь еиԥш аҿы цырцыруа иаҳәызба аҭра иааҭихын, аҵәа ахәҵәы ахьамоу ихаргьежьааны ацәа ҵаӷаӡаны иаахирссан, уи инаԥшьны мацәак аҟара аҭбаара наҭаны, ишәа-иза еиҟараны еиҵыхәхәо ацәа аахихын, ладеи-ҩадеи аҳәызба ларха-ларханы сак аамихын, днацҳаит.
Абжьас абар иубо рыдагьы, ҳабна иааӡаз зегьы
Хыхь Ҳазшаз, ҳагьаԥызхуа, днеиуеит амацәыс дцәылан, уаҩ измырзо агәырҩеи, уаҩ измырзаӡо агәырӷьареи дрылоуп.
Урҭ мыцхәы иџьаршьон иагьрзымбатәбаран.
Ажәытә арымӡқәа ҳәа ҟарҵон ацәардаӷәеиԥш, абас инароуны, ԥшьҩык, хәҩык акуа, атәарҭа.
Уи ибзазара ҟазшьас иамоугьы еиликаароуп.
Мчыбжьык ҵызар ҟалап абри ашьҭахь.
Уи аҟама иҟәнын иара.
Ан, аб ари рызгәаҭазар, уи арҽеира рнапы адыркыр, ариашара еиҳа имариахоит.
Аиеиҵәҟьа, ишыбгәалашәо, иааџьалшьоит Зина.
Нукри дҩардаџӡа, уаҩы цәымҟырк иакәын.
Даныҟамыз ыҟамызт, даныҟамгьы ҟалауам.
Уара уи абауҳәарҭоу
Еиҭах лымҩа ааихиҵәахуеит иара дҩаҵԥаны!
Измааноузеи, имацара иоуп иҟоу имҳәази Шьрыф?
Ишудыруа еиԥш, ҭауади-аамсҭеи чарак уҳәа, акы аныруа, ҳара анхацәа ҳада иаухәарҭаху!
Ныҟәара игошәа, шәарыцара игошәа аиҳабыра даарыцлан, уажәы хәарҭаԥшь имам, уаҵәы ани аду ҳәа дызҿу иҭыԥаҿ дыштәоу жәбап, итәӷәқәа еихшьны
Сеибганы сзыхынҳәыр, усами?
Ажә еимгәа ахьара хы-мчыбжьа шагу иамырдырӡакәа аԥа ацәызгоит.
Қәи дымсааит!
Иазҳәарыз мачхәума.
Абырсааҭк блаҵыхәала иахьааицәажәаз, аха ҳақәгыланы ахышә ҳкылыԥшҵәҟьозҭгьы, Сасҭангаз ҟадыџь џьара гәҩарак иоут ҳәа ҳгәы иаанагарын азныказ, аха нас иаразнак ҳгәы аазҩон, Сасҭангаз неиҭамҳәа иԥҳәыс хәаша лҟны мыцхәгьы дыӷәӷәаны дшыҟамыз.
Еҳ, сабиц, Омар-ԥашьа дыӡхымҵызҭгьы!
Аҿыӡәӡәарҭахь иналгеит.