id
stringlengths
3
5
url
stringlengths
31
327
title
stringlengths
1
51
text
stringlengths
1
24.9k
33188
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9B%D0%B0%D0%B1%D0%B0%D1%85%D3%99%D1%83%D0%B0%2C%20%D0%90%D1%80%D1%85%D0%B8%D0%BF%20%D0%9C%D0%B8%D1%80%D0%BE%D0%BD-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
Лабахәуа, Архип Мирон-иԥа
Архип Мирон-иԥа Лабахәуа (, ; , Река, Аҟәатәи аокруг, Урыстәылатәи аимпериа — , Қарҭ, Қырҭтәыла) — Аԥсни Асовети аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәии усзуҩ. Абиографиа Архип Мирон-иԥа Лабахәуа Аԥсны аҭоурых аҿы иаанижьит ишьҭа лаша. Аԥснытәи АССР Асовет министрра Ахантәаҩы иаҳасабала иара илшоз зегьы ҟаиҵон аԥсуа жәлар ринтересқәеи рхатә ҳәынҭқарратә зинқәеи рыхьчараз. А.М. Лабахәуа иусураҿы азҿлымҳара ду азиуан аԥсуа ҿар рааӡареи урҭ рыпрофессионалтә зыҟаҵареи, еиҵагылоз аԥсуа интеллигенциа рынхамҩатә ԥсҭазаараҿы ирызцәырҵуаз апроблемақәа рыӡбареи аԥсуа кадрқәа реиҵагылареи дацхраауан. 1957 шықәса рзы иҟалеит зымҽхак ҭбааз аԥсуаа рықәгыларақәа Қырҭтәыла имҩаԥнагоз ассимилиациатә политика иаҿагыланы. Архип Мирон-иԥа дгылеит аԥсуа жәлар ринтересқәа рыхьчараз. Аобком амаӡаныҟәгаҩ Иван Ҭарбеи А.М. Лабахәуеи ашәҟәы рҩит КПСС Ацентр Комитет ахь, уаҟа иазааҭгылеит аԥсуа жәлар рзинқәа шеилаго ақырҭуа напхгара рганахь ала. Алитература Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Прицкер Л.М. История освоения Ткварчельского каменноугольного месторождения (1881 - 1935гг.). - Сухум: Алашара, 1966. - 171 с. Лаҵарамза 15 рзы ииз 1910 шықәсазы ииз Ԥхынгәымза 28 рзы иԥсыз 1992 шықәсазы иԥсыз Лабахәуаа СССР Иреиҳаӡоу Асовет 4-тәи ааԥхьара адепутатцәа КПСС алахәылацәа
33189
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%93%D3%99%D0%B0%D0%B6%D3%99%D0%B1%D0%B0%2C%20%D0%9C%D0%B8%D1%80%D0%BE%D0%B4%20%D0%A1%D0%B0%D0%BC%D4%A5%D0%B0%D0%BB-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
Гәажәба, Мирод Самԥал-иԥа
Мирод Самԥал-иԥа Гәажәба (; — ) — Аԥсны ауаажәларратә усзуҩ, атәылаҿацәҭҵааҩ. Абиографиа Мирод Самԥал-иԥа Гәажәба - ауаажәларратә усзуҩ, аҵарауаҩ-атәылаҿацәҭҵааҩ ҟаимаҭ, жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа реизгаҩ ихьӡ Аԥсны ахьынӡа-наӡааӡо еицырдыруеит. Ари уамакала абаҩхатәреи аҟәыҕареи злаз уаҩын. Иара дтеоретикын, дагьпрактикын, дыҭҵааҩын, деиҿкааҩын, дырҵаҩын, дымҩақәҵаҩын. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993шш. рзы активла деибашьуан, дҭахоит фырхаҵарала, данҭаха ашьҭахь ианашьан Леон иорден. 2006ш. рзы иҭыҵит М.С. Гәажәба ишәҟәы “Хәырбыц иӡыхь”, Ҭырқәтәыла даныҟаз еизигаз афольклортә материалқәеи имшынҵатә нҵамҭақәеи згәылоу, уаҟа автор дрықәшәон аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Алитература Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Лаҵарамза 18 рзы ииз 1935 шықәсазы ииз Жьҭаарамза 18 рзы иԥсыз 1993 шықәсазы иԥсыз Гәажәаа Аԥсны аҭоурыхдырҩцәа Аибашьра иалаӡыз
33195
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A8%D0%B0%D0%BC%D0%B1%D0%B0%20%28%D0%B0%D2%B5%D0%B0%D0%BA%D1%8B%D1%80%D0%B0%D1%86%D3%99%D0%B0%D1%80%D0%B0%29
Шамба (аҵакырацәара)
Шамба, Алексеи Сергеи-иԥа Шамба, Геннади Алеқсандр-иԥа Шамба, Иакуб Уасил-иԥа Шамба, Нестор Аполлон-иԥа Шамба, Сергеи Мирон-иԥа (1951) — Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада. Шамба, Станислав Зосим-иԥа
33206
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A1%D0%B0%D0%BC%D0%BE%D0%B0
Самоа
Самоа (, ), аофициалтә хьӡы: Ихьыԥшым аҳәынҭқарра Самоа (, ) — Океаниаҿы Аокеан ҭынч Полинезиатәи адгьылбжьахатә тәыла ауп. 1997 шықәса рҟынӡа ари атәыла ахьӡан Мраҭашәаратәи Самоа (, ). Самоа ҩ-адгьылбжьаха хадак (Саваии, Уполу) ҩ-адгьылбжьахахәыҷк (Маноно, Аполима), даҿа ҭыԥқәак уаҩ дахьықәнымхо адгьылбжьахақәа рыла ишьақәгылоуп. Азгәаҭақәа Австралиатәи Океаниатәи атәылақәа Ареспубликақәа
33208
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A1%D0%BE%D0%BB%D0%BE%D0%BC%D0%BE%D0%BD%20%D0%B8%D0%B4%D0%B3%D1%8C%D1%8B%D0%BB%D0%B1%D0%B6%D1%8C%D0%B0%D1%85%D0%B0%D2%9B%D3%99%D0%B0
Соломон идгьылбжьахақәа
Соломон идгьылбжьахақәа () — Океаниаҿы Аокеан ҭынч адгьылбжьахатә тәыла ауп. Соломон идгьылбжьахақәа ф-адгьылбжьаха хадак, даҿа 900 адгьылбжьаха хәыҷк иреиҳаны рыла ишьақәгылоуп. Азгәаҭақәа Австралиатәи Океаниатәи атәылақәа Амонархиақәа
33210
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A2%D0%BE%D0%BD%D0%B3%D0%B0
Тонга
Тонга (), аофициалтә хьӡы: Тонга Акралра (, ) — Океаниаҿы Аокеан ҭынч адгьылбжьахатә тәыла ауп. Ари атәыла 171-к адгьылбжьахақәа рыла ишьақәгылоуп. Азгәаҭақәа Австралиатәи Океаниатәи атәылақәа Амонархиақәа
33212
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A2%D1%83%D0%B2%D0%B0%D0%BB%D1%83
Тувалу
Тувалу () — Океаниаҿы Аокеан ҭынч Полинезиатәи адгьылбжьахатә тәыла ауп. Азгәаҭақәа Австралиатәи Океаниатәи атәылақәа Амонархиақәа
33215
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A4%D0%B8%D1%9F%D1%8C%D0%B8
Фиџьи
Фиџьи (, , ), аофициалтә хьӡы: Фиџьи Ареспублика (, , ) — Океаниаҿы Аокеан ҭынч Меланезиатәи адгьылбжьахатә тәыла ауп. Ари атәыла 330-к адгьылбжьахақәа инареиҳаны ишьақәгылоуп. 87 % Фиџьи ауааԥсыра ҩ-адгьылбжьаха хадак аҿы (Вити-Леву, Вануа-Леву) рынхоит. Азгәаҭақәа Австралиатәи Океаниатәи атәылақәа Ареспубликақәа
33217
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9E%D0%BA%D0%B5%D0%B0%D0%BD%D0%B8%D0%B0
Океаниа
Океаниа — адгьылҭҵаара-культуратә регион адгьылхылҵ еиԥш ԥыҭрак Адгьыл хәҭақәа рҿы ианҵоу ауп. Океаниа Австралазиәи Меланезиеи Микронезиеи Полинезиеи рыла ишьақәгылоуп. Атәылақәа Аконтинентқәа
33221
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9F%D0%BE%D1%80%D0%BE%D1%88%D0%B5%D0%BD%D0%BA%D0%BE%20%28%D0%B0%D2%B5%D0%B0%D0%BA%D1%8B%D1%80%D0%B0%D1%86%D3%99%D0%B0%D1%80%D0%B0%29
Порошенко (аҵакырацәара)
Порошенко Порошенко, Пиотр Алексеи-иԥа
33222
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A2%D1%80%D0%B0%D0%BC%D0%BF%20%28%D0%B0%D2%B5%D0%B0%D0%BA%D1%8B%D1%80%D0%B0%D1%86%D3%99%D0%B0%D1%80%D0%B0%29
Трамп (аҵакырацәара)
Трамп, Джон Трамп, Дональд Џьон Трамп, Ивана Трампаа
33455
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%96%D3%99%D0%BB%D0%B0%D1%80%D0%B1%D0%B6%D1%8C%D0%B0%D1%80%D0%B0%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D0%BC%D1%83%D0%B7%D0%B5%D0%B8%D2%9B%D3%99%D0%B0%20%D1%80%D1%8B%D0%BC%D1%88
Жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш
Жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш (лаҵарамза 18) — амзар аҿы ицәырҵуеит 1977 шықәса рзы, Жәларбжьаратәи амузеиқәа рсовет аԥшьгарала. 1978ш. рзы Жәларбжьаратәи амузеи амш азгәарҭо иалагеит 150 тәыла инареиҳаны. ХIХ ашә. 60-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы Аԥсны аҭоурых абзиабаҩцәа ирхәыцит ауааԥсыра ирылыргарц аекспонатқәа еиҿыркаарц азы Аҟәа амузеи. Рыцҳарас иҟалаз, ари аԥшьгара иаԥырхагахоит излагаз 1877-1878 шш. аибашьра. Уи ашьҭахь амузеи азҵаара ықәдыргылоит аентузиастцәа ргәыԥ 1913 шықәса рзы. Еиҿкаахоит аколлекциақәа реизгара нап азыркыз Ахеилак, ҩ-уаҭахк рҿы иҩназ еизыргаз амаҭәарқәа рхыԥхьаӡара 610 рҟынӡа инаӡон. Аофициалла амузеи аартра мҩаԥган лаҵарамза 17, 1917 шықәса рзы. Аԥсуа Ҳәынҭқарратә музеи иахьа ареконструкциа ҿыц азуны аусура иаҿуп. Алитература Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Картинная галерея Абхазского Государственного музея: путеводитель; М-во Культуры Абхазкой АССР. - Сухуми: 1982. - 12 с. Пачулия Л. В здании Абгосмузея предстоит капитальный ремонт//РА. - 2009. - 10-11 фев., (№ 14). - С.1 Лаҵарамза 18
33456
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A1%D0%B8%D0%BC%D0%BE%D0%BD%20%D0%9A%D0%B0%D0%BD%D0%B0%D0%BD%D0%B8%D1%82
Симон Кананит
Симон Кананит – Иаса Қьырса жәаҩаҩык иапостолцәа-ицнагаҩцәа дыруаӡәкын, ижәытәӡаз Аԥсны раԥхьа ақьырсианра алаирҵәон. Апостол Симон Абазгиа нхарҭаси анцәа имаҵура ҭыԥси иалихуеит аӡиас ԥсырӡха иблахкыгоу аиҩхааҿ аҳаԥ хәыҷы, иахьатәи ақалақь Афон Ҿыц акәша-мыкәша иҟоу. Иԥсҭазаара урычралеи анцәа иаматанеиралеи имҩаԥго ажәытә абазгааи аԥсилааи ирылаирҵәон иакыз Анцәазаҵәра, дырҿагылон амырҭаҭреи еиуеиԥшым анцәахәқәа рымҵахырхәареи. Симон Кананит ишьҭашәарыцон. Ақьырсианцәа рҭархаразы ианрышьҭаз Симон Кананит гәаҟрала дҭархан Римтәи алегионерцәаамырҭаҭцәа рнапала. Анаҩс, дахьҭахаз аҭыԥ азааигәара иргылахоит Симон Кананит изкыз Афонҿыцтәи ауахәама. 2014 ш. рзы – Симон Кананит игәаларшәара амш Аԥсны иныҳәамшны, ихақәиҭрамшны иҟалеит. Алитература Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Абхазия и в ней Новоафонский Симоно - Кананитский монастырь/Сост. А.Бекетов; ред. Т.Ю. Алексеева. - Сухум: «Дом печати», 2007. Абхазия: христианские святыни Нового Афона: путеводитель/Авт. проекта Н. Милованова. - Сухум, 2003. Ақьырсианра Ацқьацәа
33467
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9F%D0%B0%D0%B2%D0%BB%D0%BE%D0%B2%2C%20%D0%92%D0%B0%D0%BB%D0%B5%D0%BD%D1%82%D0%B8%D0%BD%20%D0%A1%D0%B5%D1%80%D0%B3%D0%B5%D0%B8-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
Павлов, Валентин Сергеи-иԥа
Валентин Сергеи-иԥа Павлов (; Москва – Москва) — Асовет политикатә усуҩы, инаркны рҟынӡа СССР аԥыза-министр заҵә иҟан. Азгәаҭақәа Цәыббрамза 26 рзы ииз 1937 шықәсазы ииз Хәажәкырамза 30 рзы иԥсыз 2003 шықәсазы иԥсыз Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла аԥыза-министрцәа ЦК КПСС алахәылацәа Асовет политикцәа КПСС алахәылацәа
33551
https://ab.wikipedia.org/wiki/100000
100000
100000 (шәнызқь), 105 — Иԥсабаратәу ахыԥхьаӡара. Ахьарԥшқәа 100000
33553
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A4%D0%BB%D0%B0%D0%BD
Флан
%D0%90%D1%84%D0%B0%D0%B8%D0%BB:Latin_letter_AV_with_horizontal_bar.svg
33705
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D0%BD%D0%B4%D0%BE%D0%BD%D0%B5%D0%B7%D0%B8%D0%B0
Индонезиа
Индонезиа (), аофициалтә хьӡы: Индонезиа Ареспублика () — Аҩадамрагылара-азиатәи адгьылбжьахатә тәыла, 17000 адгьылбжьахак рзы иреиҳаны ишьақәгылоуп. Еиҳаӡоу хәҭақәа: Суматра, Иава, Сулавеси, хәҭаҷла Борнеои Гвинеиа ҿыци. Азгәаҭақәа Азиатәи атәылақәа Ареспубликақәа
33707
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D0%BE%D1%80%D0%B4%D0%B0%D0%BD%D0%B8%D0%B0
Иорданиа
Иорданиа (), аофициалтә хьӡы: Иорданиатәи Аҳашимиттә Кралра () — Аҩадамраҭашәара-азиатәи атәыла Мрагылара Ааигәа арегион аҿы. Азгәаҭақәа Азиатәи атәылақәа Амонархиақәа
33713
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A4%D0%B8%D0%BB%D0%B8%D0%BF%D0%BF%D0%B8%D0%BD
Филиппин
Филиппин (, ), аофициалтә хьӡы: Филиппин Ареспублика (, ) — Аҩадамрагылара-азиатәи адгьылбжьахатә тәыла, 7641 адгьылбжьахак рзы ишьақәгылоуп. Еиҳаӡоу х-хәҭак: Лусон, Висаиас, Минданао. Азгәаҭақәа Азиатәи атәылақәа Ареспубликақәа
33719
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A7%D0%B8%D1%87%D0%B1%D0%B0%2C%20%D0%90%D0%BB%D1%8B%D2%9B%D1%8C%D1%81%D0%B0%20%D0%A7%D0%B0%D0%BD%D2%AD%D0%B0-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
Чичба, Алықьса Чанҭа-иԥа
Алықьса Чанҭа-иԥа Чичба ( — ) — Аԥсны акомпозитор. Алықьса Чичба ирҿиара еиднакылоит еиуеиԥшым аамҭақәеи акультурақәеи. Аԥсуа музыкантцәа иара ирҿиамҭақәа рыла ирныруеит заҟа ижәытәӡатәиу дара рмилаҭтә традициақәа, рдоуҳатә беиарақәа. Аԥсуа жәлар ргәалашәараҿы Алықьса Чичба даанхоит дпатриот дуны, еицырдыруа амузыка-уаажәларратә усзуҩны, композиторны, зҟазара ала аԥсуа профессионалтә музыка аҭоурых адаҟьа зырҭбааз. Алитература Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Хашба М.М. Через тернии к звездам к 75-летию А.Ч. Чичба/Абх. ин-т гуманит. исследований им. Д.И. Гулиа Акад. наук Абхазии. Деятели науки и культуры Абхазии. - Сухум: 2001. - 36 с. Впервые - Республиканский конкурс юных пианистов им.А. Чичба//РА. - 2009. - 26-27 мая, (№56). - С.5 Лаҵарамза 25 рзы ииз 1925 шықәсазы ииз Ажьырныҳәамза 4 рзы иԥсыз 1996 шықәсазы иԥсыз Аԥсны акомпозиторцәа Асовет композиторцәа Урыстәылатәи акомпозиторцәа Аԥсны амузыкантцәа
33722
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%94%D1%8B%D1%80%D0%BC%D0%B8%D1%82%20%D0%93%D3%99%D0%BB%D0%B8%D0%B0%20%D0%B8%D1%85%D1%8C%D3%A1%20%D0%B7%D1%85%D1%83%20%D0%B0%D4%A5%D1%81%D1%83%D0%B0%D2%AD%D2%B5%D0%B0%D0%B0%D1%80%D0%B0%D1%82%D3%99%20%D0%B8%D0%BD%D1%81%D1%82%D0%B8%D1%82%D1%83%D1%82
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵааратә институт
Д. Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵааратә институт.
33748
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D2%9F%D0%B0%D0%BB%D0%BC%D1%8B%D2%9F%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
Аҟалмыҟ бызшәа
Аҟалмыҟ бызшәа () (Тодо бичиг: ). Аҟалмык алфавит Азгәаҭақәа
33886
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D4%A5%D1%81%D1%83%D0%B0%20%D0%B0%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B5%D0%B8%20%D0%B0%D0%BB%D0%B8%D1%82%D0%B5%D1%80%D0%B0%D1%82%D1%83%D1%80%D0%B5%D0%B8%20%D1%80%D0%B8%D0%BD%D1%81%D1%82%D0%B8%D1%82%D1%83%D1%82
Аԥсуа абызшәеи алитературеи ринститут
Аԥсуа абызшәеи алитературеи ринститут — Лаҵарамза 28, 1930ш. рзы Аԥсны жәлар рҵаралашаратә комитет иаднакылеит Ақәҵара Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа Аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҭҵаарадырратә-ҭҵааратә институт ҳәа аиҭакразы. Раԥхьа ари аштат аҿы иҟаз ԥшь-ҩык аусзуҩцәа ракәын: адиректор, уи ихаҭыԥуаҩи ҩыџьа аҭҵаарадырратә усзуҩцәеи. Директорс дҟаҵан Г. Берзениа, ихаҭыԥуаҩыс – Д.Е. Гәлиа. Апараллелизм ҟамларазы, насгьы аҭҵаарадырратә мчқәа џьарак реизакразы нанҳәа 5, 1931ш. рзы Аԥснытәи ЦИК Апрезидиум иаӡбоит Аԥснытәи аҭҵаарадырратә хеилаки Аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҭҵаарадырратә-ҭҵааратә институти реидҵаразы, хьыӡ ҿыцс изырҭаз - Аԥснытәи атәылаҿацәҭҵааратә аҭҵаарадырра -ҭҵааратә институт –ҳәа. Иаԥҵан х-секторк: аԥсуа бызшәеи аҟазареи, ауаажәларраҭоурыхтә, жәлар рынхамҩа. Асекторқәа зегьы ирыман рхатә секциақәа, иаагозар, ауаажәларра-ҭоурыхтә сектор шон апартиақәа ринститут аҭоурыхи Аԥсны ареволиуциа аҭоурыхи, аетнографиеи, асоциалтә культуреи абзазареи асекциақәа ҳәа. Алитература Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Аԥсуа бызшәа Аԥсуа литература
33989
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9A%D0%B0%D0%BC%D0%B1%D0%BE%D1%9F%D0%B0
Камбоџа
Камбоџа (), аофициалтә хьӡы: Камбоџа Акралра () — атәыла алада-мрагыларатәи Азиаҿы, алада Индокитаи адгьылбжьахабжа. Азгәаҭақәа Азиатәи атәылақәа Амонархиақәа
33991
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9A%D1%83%D0%B2%D0%B5%D0%B8%D1%82
Кувеит
Кувеит (), аофициалтә хьӡы: Кувеит Аҳәынҭқарра' () — Мраҭашәара-азиатәи атәыла. Иҟоуп Мрагыларатәи Арабсҭан аҩадатәи аҭыԥхәҭаҿы Аџьамтә ӡыбжьахала ага иқәу. Азгәаҭақәа Азиатәи атәылақәа Амонархиақәа Аемиратқәа
34886
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9D%D0%BE%D2%9B%D0%B0%D0%BB%D0%B0%D2%9B%D1%8C%D0%B5%D0%B2%D0%B8
Ноқалақьеви
Ноқалақьеви (), иара убас Архиополис ( Αρχαιόπολις, «Ажәытә қалақь»), ақырҭуа хыҵхырҭақәа рыла Цихегоџьи (гыршә. Џьихақвинџьи) — аҭоурыхтә абаа-ақалақь амраҭашәаратә Қырҭтәыла аҟны, Гыртәыла, аӡиас Техура армарахьтәи аҿықә аҟны. Ари аҭыԥ аҿы уаанӡа ахадара ду змаз ақырҭуа қалақь ыҟан. Римтәи, Византиатәи аҭоурыхҭҵааҩцәа уи азын иргәаладыршәоин Археополис еиԥш, аха еиҳа изааны ақырҭуа хроникақәа рҿы уи Цихегоџьи (Қәуџьи ибаа) – ахьӡын. Аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа рыла, иргылит Егирстәи аҭауад Қәуџьи (ажә. шәы. III–шәышқәса алагамҭаз). Абаа – ақалақь аргылара астратегиагь хықәкылеи, уаҟа инхоз рырацәареи имамадан. Цихегоџьи амрагыларатәи Қырҭтәыла Егристәи аҳраҿ (Лазика) аҳҭнықалақьын IV-VIII-тәи ашәышқәсақәы рзы. Византиеи Аџьамтәи аимпериақәа рыбжьара Лазтәи аибашьрақәа (542-562) иара абри ақалақь ааигәа-сигәа имҩаԥысуан. Араҟа иҟалит Археополистәи аибашьра. Аибашьра аан аџьамцәа Цихегоџьи хынтә иажәылеит, ахынтә раан ирылшеит ақалақь агара (554), аха ақалақь иаарласны еиҭах ирымпыҵаркит византитә - лазаа рымчқәа. 737-738 шықәсқәа рзы ақалақь арабцәа рар еиҳабы Мурван ибн Муҳамед (Мурван адагәа) ирбгеит. Еснагь идырбгоз, иқәырхоз ақалақь, уи иахҟьаны Цихегоџьи иӷархеит, икаҳаит, иқыҭа хәыҷхеит. Ақыҭа еиҭах ашәра аԥшааит XVI-тәи ашәышықәсазы, Гыртәылатә аҳра араҟа иреиӷьӡаз аханқәа рыргылара ианалага. XVI-XVIII-тәи ашәышықәсақәа рзы – Одишьтәи Аҳцәа – Дадианаа рреизиденциа акәын Археологиатә жырақәа Нақалақьевитәи археологиатә ҭҵаарақәа иырлагеит 1930-1931 шықәсқәа рзы академик Ив. Џьавахишвили иаԥшьгарала. Ажырақәа мҩаԥысуеит 1973 шықәса ианркны. Ноқалақьевтәи аҵакырадгьыл аҟны анхара ашьҭақәа убоит ажә. шәш. I-тәи азқьышықәса алагамҭа инаркны. Анхара аинтесивтәхит ажә. шәш. V-IV-тәи ашәышықәсақәа инаркны. Ақалақь 3 хәҭык рыла ишьақәгылоуп (аҵакыра зегьы 15 га.) иаакәыршаны агәара-ахыхьчара аман. Ахәҭа хада ыҟан аӡиас аҿықәан, агарнизон аҭыԥ ыҟан аҿҟьараҿы, аҩнуҵҟатәи абааш (ацитадель) – ашьха ақәцәан. Ҵаҟатәи абааш аҵакыраҿы иԥшаан Егристә аҳра IV-тәи ашәышқәса иаҵанакуа ахани, V-тәи ашәышқәсатә х-нышьак змоу абазиликатә ргылара. VI-тәи ашәышықәса алагамҭазы ихәыҷыз х-нышьак змоу абазилик, анаҩс уи аҟәырӷ змаз ауахәама алырхит, уи аамҭатәи Аҳ ихан, абааштә агәашәхәҷи, 2 ҽыкәабарҭеи егьырҭ аргыларақәеи. Аргыларақәа зегьы ргылан ахаҳәцәлеи ма усҟак ицәымз ахаҳәқәеи рыла. Адуӡӡарала иалукаауеит Егристәи Аҳцәа аҩбатәи х-еихагылак иҟоу ахан. Ақалақь аҟны 2 – ҽыкәабарҭак аҟазаара ианарԥшоит абзазаратә нхамҩа аҳракыра ду шамаз. Урҭ руакы амасштаб ду змоу, ицәгьоу акомпозициа змоу еиқәҟаца иҟаз ргыларан. Қырҭтәыла ажрақәа рыла абраҭ аамҭақәа рзы иԥшаау аҽыкәабарҭақәа реиԥш, уи ацентралтәи арԥхарҭа аилазаара ала иргылоуп. Ақалақь аӷәӷәаратә аилазаара арелиеф иақәнаго ала иӡбан. Аӡиас аган ала аладалеи, ҩадалеи аҿҟьараҿ, ацаҟьа аҟны ҭӡы заҵәык ауп иамоу. Аӷа изы имарианы имнеираз амрагыларатәи аган аҟны еицнеиуа иргылоуп 3-ҭӡык, абаахырӷәӷәарҭа 3-га инеиҳаны аҵакыра амоуп. Абаагәара аҟны иалаҟаҵоуп 2-баашк, урҭ рҟнытә руакы (аҿыц «Џьихад» ахьӡуп) Колхеҭтәи алаҟәырақәа, аҩадатәи аган ала иахылаԥшуан. Абаахырӷәӷәарҭа заатәи афеодалтә аамҭазтәи ихәҷу азал змоу ауахәама гылоуп. Ажрақәа ахадара змоу археологиатә маҭәахәы цәырнагеит Ноқалақьевии, уи ааигәы сигәагьы. Акерамика аиҳарак аҭыԥын ирмазеиуп, аха иҟоуп аимпорттәигьы (урҭ ируакуп IVVII-тәи ашәышықәсатә амфорақәа). Иԥшаауп ажә. шәш. IV-III-тәи ашәышықәсақәа асахьақәа зну ахаҳәцәқәа. Аԥсцәа шьҭан аҳаԥшьа-нышәынҭрақәа рҿы, ус баша, рҿы иаҿакын колхтәи аԥара ҿырпы-ҭеҭри. Аҭыԥынтәии арахь иаагаз акерамика рыдагьы иԥшаан аџьазтә напхаҵақәа, ахәыдхаҵақәа, амонетақәа уҳәа убас егь. Ажырҭақәа руакы аҟны иԥшаан аҟазаратә уаҳа иуԥымло аҟаҵамҭақәа: елинтәи аканҭароси, акәаԥ еиқәаҵәа змаз ажәыга. Ус иаку аԥшаарақәа ируакуп аԥсҭалых акнаҳага, уи иамоуп аџьарԥшра змоу амонограмма, ахәымпал хқәа, аԥса хқәы, абҩатәи, ахьтәи монетақәа уҳәы уб.егь. Иазгәаҭатәуп Византиатә аимператор Маврикиос (582-622) ихьӡала иԥҟоу 23 ахьтәы монета ҭаҵәах. Аҭыԥынтәи акерамика иацны атәым аԥшаара Егриси, Нақалақьеви атәым тәылақәа рҟны аҿиара змаз ахәаахәҭрааекономикатә аимадарақәа шьақәнарӷәӷәоит. Нақалақьевтәи аҵакыра аҟны усҟак ирацәамкәа иԥшаауп XVI-XVIII-тәи ашәышықәсатә амаҭәахәқәа. 2006 шықәса абҵара 7 азы, Қырҭтәыла ахада идҵала ианашьоуп амилаҭтә хадара змоу акультуратә имҵысуа абаҟа акатегориа. Алитература ზაქარაია პ., ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 7, თბ., 1984. — გვ. 482. ზაქარაია პ., ლომოური ნ., ლიქვინაძე ს., ნოქალაქევის ექსპედიციის 1973 წლის მუშაობის მოკლე ანგარიში, წიგნ.,:საქართველოს სახელმწიფო მუზეუმის არქეოლოგიური ექსპედიციები, ტ. 4, თბ., 1975 ლომოური ნ., ეგრისის სამეფოს ისტორია, თბ., 1968 „საქართველოს არქეოლოგია“ / რედ: აფაქიძე ა., თბილისი: თბილისის სახელმწიფო უნივერსიტეტის გამომცემლობა, 1959. — გვ. 357-358. ყაუხჩიშვილი ს.|, ლექციები ბიზანტიის ისტორიიდან, ტ. 1, თბ., 1948 ყაუხჩიშვილი ს., ბიზანტიელი მწერლების ცნობები საქართველოს შესახებ, ტ. III, ტფილისი: ტფილისის უნივერსიტეტის გამომცემლობა, 1936. — გვ. 318-320. Азхьарԥшқәа კულტურული მემკვიდრეობის პორტალი, № 5153 2004 წლის ინგლისურ-ქართული ექსპედიცია ნოქალაქევში Ахьарԥшқәа Қырҭтәыла аҭоурых Қырҭтәылаҿы иҟоу амузеиқәа Қырҭтәылаҿы иҟоу археологиатә обиектқәа Қырҭтәылаҿы иҟоу аблахкыгарҭақәа Қырҭтәылаҿы иҟоу ахыбрақәеи аргыларақәеи Гыртәыла-Хыхьтәи Шәантәыла
34887
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9C%D0%B0%D1%80%D1%82%D0%B2%D0%B8%D0%BB%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D0%B1%D0%B5%D1%80%D2%AD%D1%8B%D4%A5
Мартвилтәи аберҭыԥ
Мартвилтәи аберҭыԥ () — заатәи абжьаратә шәышықәсатәи ақьырсиантә ныхабаа, аберҭытә комплеқс Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла аган Мартвилтә амуниципалитет аҟны ақалақь Мартвил аҟны. Иахьыҟоу аҭыԥ Аберҭыԥтә комплекқс гылоуп Мартвилтәи амуниципалитет агәҭа азааигәара ишьҭыху ахәы аҟны. Ашьха ашьапы аҟны рҽырҭбааны ииасуа аӡиас Цхенисҵҟарои, аӡиас Абашеи рыдәқәа. Аберҭыԥ аҟнытә иубоит Имереҭи, Гыртәылеи. Уи иаакәыршаны абаагәара амоуп. Аныхабаа хада Анцәадзыхшаз лылацәеиқәԥсара ахьӡуп. Аҭоурых Иаҳзымдыруа аамҭақәа раан Ҷҟондиди амырҭаҭтә динхаҵара центрс иҟан. Ахәы аҟны игылан абомон аџь ҵла дууӡӡа. Уи аҿиареи, аизырҳареи, аҭаацәа рыбзабааи зыхьчо капуниатә амырҭаҭтә ныҳәарҭан, уи араҟ инхоз ауаа иамҵахырхәон, араатәи аныхаԥааҩцәа аԥшқацәа ԥсаҭатәс иарҭон. Раԥхьаӡатәи ауахәама араҟа игылаз аџь аҭыԥан идыргылеит (аамҭарба дырм) Андриа Аԥхьанаԥхьаҩ ихьӡала, уи Гыртәыла ақьырсианра алеигалеит. VII-тәи ашәышқәсазы иргылан Мартвил-Ҷҟондидитә аныхабаа уи ари аныҳәарҭа-ԥшьа аҭыԥ аҟны игылаз–ихырҵәаз аџь адацқәа ашьаҭахеит. Аныхабаа ахыннатә аџьар еиԥшыз аргылара акәын. Аҭырқәа-аџьамцәа рқәыларақәа раан акыр аԥырхага аиыуит. X-тәи ашәышқәсазы Гьаргь аҩбатәи ҿыц иргылеит уи. Иҟоу агәаанагарала иара убри азын анҵамҭа «Қарҭлитә аԥсҭазаара» Гьаргь иргылаз ауп, Мартвилтәи ауахәама ҳәа. Аҳ Гьаргь аныхабаа аԥскәабзтә кафедратә уахәамас ишьақәиргылит. Аныхабаа аџьар амахәқәа дырбгеит, аеквдерқәа аддыргылеит. Амрагылара аган ала еиҳа идуыз аҭаҩа дыргылеит. Ауахәама иазаанхит Мартвили, аԥскәабзцәа Ҷҟондидели рыхьӡын. Архитектура Мартвилтәи аныхабаа планла акыр еиԥшуп Мцхеҭатәи Аџьар уахәама, аха еиҭаҟаҵам. Араҟа аргылаҩы зхыиақәиҭу интерпритациа ихы иаиырхәеит, зынӡагьы ихьԥшым асахьаркыратә аԥҵамҭақәа аԥиҵеит. Аргылара аплан ахь иалаҵоуп аԥсахрақәа: аҟәырӷ акәырша еиҳа ихәҷуп, акәакь аҭаҩақәа–еиҳа идууп. Идууп аԥсидқәа рмахәарқәа роура, ирдууп акәакь аҿаԥшьырақәа. Иара убас иԥсахуп аԥшьарца аҟнытә акәакьрацәатә аҟәарӷ ирықәгылоу аилазаара – атромпқәа араҟа дара-дара еиҟьымсуа акамара хәыҷқәа рыла еиқәыршәоу амардуан ԥшра амоуп. Мартвилтәи аныхабаа Џьвари еиҳа ишыхәҷугьы, иҷыдоу ахҭақәа рҿарԥшырала аԥсахрақәа рыла ишьақәыргылоу идуу, иласу ақәыԥшылара амоуп, даҽа реилиефк змоу аҿаԥшыларалагьы. Хазы иҟоу ихьԥшым акомпозициақәа рцынхәрас араҟа еицу афризқәа амоуп, аргылара аҟазшьа акәзар еиҳа ирԥшӡагатәиуп. Афигурақәеи аҵиаақәеи рыла иҟаҵоу аџьоуҳартә еизаку сахьаҿы иалаҵоу, иҷыдоу аритм аихыгара иаҵанакуеит. Ажәақәа рҿы Абиблиеи, Евангелиатә асиужетқәеи рнуп (иаҳҳәап Даниатәи алымқәа реисра, Самсони алыми, Қьырса ишьҭыхра 4–ҩык амаалықьцәа рыла уҳәа уб. егь.) X–тәи ашәышқәсазы, Аԥсуа Аҳ Гьаргь II-тәи иаамҭазы, ауахәама ишьаҭаркны еиҭадыргылеит: иацырҵит адәахьытәи аҭыӡқәа, иахадыргылеит аҿыц аҟәырӷ ахәдақәа, убри аҟнытә уи адәахьала аџьар еиԥшу абаҟа акәӡам. Амраҭашәаратә егвтеригьы X-тәи ашәышқәса иаҵанакуеит. Аҩнуҵҟа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы (XVI-XVII ашә.) рзы иҭыхуп. Аныхабаа аҟны иаанханы иҟоуп XIV, XVI, XVII-тәи ашәышқәса иртәу аҭӡысахьақәа. Уи зырԥшӡо аныҳәарҭа аконг аҟны иҟоу Мартвилтәи Анцәадзыхшаз. Аныхабаа аган аҟны игылоуп ихәҷу ҩ-еихагылак змоу ауахәама (X–тәи аш.). Аберҭыԥ анҵамҭақәа руакы аҟны иануп Дадианиаа рышьҭра иатәу Кациа Чиқовани. 2006 шықәса абҵара 7 азы, Қырҭтәыла ахада идҵала ианашьоуп амилаҭтә хадара змоу акультуратә имҵысуа абаҟа акатегориа. Алитература ბერაძე თ., მენაბდე ლ., საღარაძე შ., ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 6, თბ., 1983. — გვ. 458. ბერიძე ვ., ძველი ქართული ხუროთმოძღვრება, თბ., 1974; ჩუბინაშვილი გ., ქართული ხელოვნების ისტორია, ტ. 1, ტფ., 1936; თაყაიშვილი ე., „არხეოლოგიური მოგზაურობიდან სამეგრელოში“ // ძველი საქართველო, ტ. III, ტფილისი: ელექტრო მბეჭდავი სტამბა სპირიდონ ლოსაბერიძის, 1914. — გვ. 39-128. Азхьарԥшқәа კულტურული მემკვიდრეობის პორტალი, № 5171 მარტვილის ტაძარი |  საქართველოს ისტორიულ ძეგლთა ბიბლიოგრაფიული ლექსიკონი მარტვილი: ღვთისმშობლის სახ. საკათედრო ტაძარი | ქართველოლოგიური წიგნებისა და კრებულების ფოტომასალის აღწერილობა Ахьарԥшқәа Қырҭтәылаҿы иҟоу аиашахаҵаратә берҭыԥқәа Гыртәыла-Хыхьтәи Шәантәыла
34888
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A0%D1%83%D1%85%D0%B8%D1%82%D3%99%20%D0%B0%D0%B1%D0%B0%D0%B0
Рухитә абаа
Рухитә абаа () — абжьарашәышықәсатәи абааш амраҭашәаратә Қырҭтәыла аҟны (уажәтәи Жәыргьыҭ араион, ақыҭа рухи аҵакыраҿы, аӡиас Игры армарахьтәи аҿықә). Иргылеит Гыртәыла Аҳ Леван II – тәи Дадиани Вахушти Багратиони (XVIII) идыррала, идыргылеит 1647 азы, аха иҟоуп агәаанагара, абаа дыргылеит 10 шықәс раԥхьа. Рухтәи абаа Гыртәыла ахадара змаз афортификациатә ргыларан, насгьы иахьгылаз аҭыԥ уи иацхраауан. Уи иамоуп ахырӷәӷәарҭа, ҵаҟатәи ашҭеи. Ахырӷәӷәага абаа амрагыларатә ахәҭа аҟны иҟоуп. Уи еицыхәхәоу ашҭа аҩ-нҵәамҭақәа рҿы баашк-баашк гылоуп. Руакы аҩада-амрагыларатә аган игылоу абаа донжон акәын. Абаа ҵаҟатәи ашҭа ахәы аладатәи адырԥарақәа акуп. Абаа иаакәыршаны 10-12 м. змоу иҵааулоу аанда, Рухтәи абаа ҵаҟатәи ахәҭа 8-10 м аҳракыраҿы ишәаҳауп, хыхьтәи ахәҭаҿы ақәԥаратә мҩахәасҭақәа алгоуп. Аҭаларҭа аанда иалаҟаҵоу абааш I-тәи аихагылаҿ иҟоуп. Аннда алада-амраҭашәара ахәҭала даҽа баашк иргылаҿ иаман артилериатә ауасҭага. 1634-1635 шықәсқаә рзы араҟа рабаҭтәи анхарагьы цәырҵит, уи ирласны еилаҳаит. 1672 шықәсазы Рухтәи абаа аҟны османцәа рыҟнытә ихы ихьчоан Леван III-тәи дадиани 1723 шықәсазы абаа аосмантәи рнапаҿы иҟан. Аамҭаказ араҟа урҭ рганизонгьы ыҟан. 1770 Қырҭтәыла аурыс еидкылаз ар Рухитәи абаа ахы иақәнатәит. 1779 Рухтәи абаа аҟны ИмереҭГыртәыла-Гәриа еидкылаз ар османцәа аҵанархеит (Рухитәи аиқәԥара 1779). Ҟрымтәи аибашьра (1853-1856) аамҭаз, 1885, Рухи ааигәа-сигәа аурыс арбџьармчқәеи ақырҭуа милициеи иаҵадырхит османтәи аекспедициатә корпус. Анаҩс Рухтәи абаа ессаира иацәыӡуан ахыннатә иамаз ахадара. Алитература ბერაძე თ., ზაქარაია პ., ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 8, თბ., 1984. — გვ. 519. ოსმალური დოკუმენტური წყაროები ანაკლიისა და რუხის ციხეების შესახებ (XVII-XVIII სს), თურქული ტექსტი ქართული თარგმანით, შესავლით, ტერმინოლოგიური ლექსიკონით, ფაქსიმილეებითა და საძიებლით გამოსაცემად მოამზადა ნ. შენგელიამ, თბ., 1982 ზაქარაია პ., საქართველოს ძველი ქალაქები და ციხეები, თბ., 1973; Азхьарԥшқәа კულტურული მემკვიდრეობის პორტალი, № 8441 Қырҭтәылаҿы иҟоу абаақәа Қырҭтәылаҿы иҟоу ахыжәжәарақәа Жәыргьыҭ
34889
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9A%D0%BE%D0%BB%D1%85%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D0%BC%D0%B8%D0%BB%D0%B0%D2%AD%D1%82%D3%99%20%D0%BF%D0%B0%D1%80%D0%BA
Колхтәи амилаҭтә парк
Колхтәи амилаҭтә парк () — амилаҭтә парк Қырҭтәыла, амшын Еиқәа аԥшыҳәаҿ, Палиастомтәи аӡиа ааигәа-сигәа иҟоуп. Колхтәи ихьчоу аҵакырарадгьыл иахәҭоуп. Аҵакыра 44 980 га, уи 29 229 га. адгьылтә ҵакыроуп, 15 751 га. амшын Еиқәа аквториа ауп. Ишьақәыргылан 1999 ш. ықәса. Иаҵанакуеит амшын Еиқәа амрагыларатә аԥшыҳәеи, Ҷуриатәи аҳабла иаҵанакуа аквториатә ҵакыреи, Палиастомтәи аӡиеи. Апарк Колхтәи жәларбжьаратәи ахадара змоу ацәаакыра ӷәӷәа змоу екоаилазаара ахьчареи, аиқәырхареи амзыз ала еиҿкаауп. Иалукаауеит абнатә флореи, афауни ирацәаӡаны абиоԥштәырацәала, аендемтәи, ареликттәи ахкы рацәала. Араҟа иҟоуп еиуеиԥшым аландшафтқәа, ихазу аекоеилазаареи, аценозқәеи. Амилаҭтә парк иаҵанакуеит 5 муниципалитетк рҵакырадгьыл – Жәыргьыҭ, Хоби, Сенаки, Абаша, Ланчхәыҭи – Қырҭтәылатә аҭоурыхтә әакьқәа ҩба- Гытәылеи, Гуриа ахәҭаки. Амилаҭтә парк ахадара амоуп еиҭаҵуа реиԥш иара убас арахь иԥырны иаауеи, иӡсуа аԥсаатә рынхаразы ибзиоу ареалуп, иара убас амшын Еиқәа еиԥш аԥсыӡкәтаӷьтә ҭаацәара рзы атоԥраз ҩба рыҟнытә акы иаҭыԥуп (Риони амшын иахьалало 9-км. аҿы; аҩбатәи - Дунаи). 1935 шықәсазы еиҿкаан Колхтәи аҳәырԥсарра (аҵакыра 561 га.) Уи хықәкыс иаман Колхтәи алаҟәырақәа ирымаз иҷыдаз аҟазшьа ареликтә флореи афаунеи акомплекс зегьы ахьчара. Аҳәырԥсарра аҭҵаара-аҭҵаарадырратәи аҭоурыхтәи ахадара аман. Амлаҭтә парк шьақәыргылан 1999 шықәса. Ихьчоуп Колхи азын аҟазшьа ҷыда змоу аӡмахқәа, алаҟәыратә абнақәа рландшафти. Иаларҵәоуп ал, ашәҵла,ашәч,ашымҳа, ахәажә, ареликттә аҳаскьынтә ҵиаақәа. Аԥстәқәа – ашьабсҭа, абынҳәа уб. егь. Аинтирес змоу афактқәа 2007 шықәса жьҭаара 24 Колхеҭтәи аекоеилазаара иалаҵан Иунеско адунеи аҭынха аԥышәатә сиа ахь. 2021 шықәса Колхеҭтәи атропикатә абнақәа, аӡмахқәа урҭ Колхеҭтәи амилаҭтә парк аҵакырадгьыл иаҵанакуеит, Иунеско адунеитә аҭынха абаҟа асиа ианылеит. Ахьарԥшқәа Акатегориа IUCN II Қырҭтәылаҿы иҟоу амилаҭтә паркқәа 1998 шықәсазы ишьаҭаркыз аҳәырԥсаррақәа Заатәи адунеизегьтәи аҭынха асиа Қырҭтәылаҿы иҟоу Рамсартәи аӡбаарақәа Қырҭтәылаҿы иҟоу аблахкыгарҭақәа Гыртәыла-Хыхьтәи Шәантәыла Гәыриа
34890
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%93%D0%B5%D0%BB%D0%B0%D2%AD%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D0%B1%D0%B5%D1%80%D2%AD%D1%8B%D4%A5
Гелаҭтәи аберҭыԥ
Гелаҭтәи аберҭыԥ () — Игылоуп Қәҭешь аҩада-амрагыларала 11 км. аӡиас Ҵҟалҵиҭела аҩхаа аҟны. Иргылоуп 1106 шықәсазы, Давиҭ Аӷмашьенебели-(Аргылаҩ)иалахәыларала. Иаакәыршаны абаагәара амоуп. Ансамбыль иалоуп еиуеиԥшым аамҭа иатәу (еиҳарак XII-XIII- тәи ашәышқәсақәа) аргыларақәа. Акомплеқс Гелаҭтәи аберҭыԥ абаагәара аладала, аҩналарҭа хадала, Давиҭ Аӷмашенебели иҳаҭгәын ыҟоуп. Гелаҭтәи аберҭыԥ Аҳратә ҭаацәара рхатәра ауп, рыԥсыжьырҭа акәын, ҵакырала ааигәа иҟан аҳра аполитикатә центр аҟнытә- Қәҭешь азааигәара. Араҟа анышә иамоуп еизаку Қырҭтәыла аҳцәа зегьы: Давиҭ IV –тәи Аӷмашьенебели, Деметре I-тәи, Гьаргь III-тәи, Ҭамари III-тәи (Ҭамари лҭоурыхҭҵааҩцәа рдыррала) уб.егь. Имереҭтәи Аҳцәа: Баграт III-тәи, Гьаргь II-тәи, Гьаргь III-тәи, Гьаргь VI-тәи, Алеқсандр V-тәи, Соломон I –тәи уб.егь. Гелаҭтәи аберҭыԥ акыр ибеиаз афеодалтә сениора дыҟан. Уи илымпыҵакын лхатәра акәын акыр идуыз адгьыл. Анхамҩаҿы аԥыжәара аман адгьыл аус адулара, аҿиара змаз аӡахәааӡара, аҩы, ацха, ацәашьы, арахәааӡара –аџьармыкьтә аагалыхра аберҭыԥ аԥара рацәа алҭон. Аҭоурых аҭоурых-етнографиатә амузеи аҟәша ауп. XII-XV –тәи ашәышқәсақәа рзы Гелаҭтәи аберҭыԥ ианашьан инагӡаз автономиа, иазханаҵон аҳ изин мацара. Қырҭтәыла акатоликос-апатриархгьы иарбынзаалак зин имаӡамзт (апап иԥшьара ада). Гелаҭтәи аберҭыԥ аҟны аҳ ихатәы хаҭарнак диман. Аберҭыԥ аиҳабыра аберҳәсақәа, аԥыжәа-иԥыжәа аҳ еилак иалахәыз ҳәа иԥхьаӡан. XIII-тәи ашәышқәса II –тәи азбжаз, XV-тәи ашәышқәсазы атәыла аҟны аполитикатә-аекономикатә амаҷхара иахҟьаны (амонголцәа, Ҭемурленг иқәыларақәа, аҩнуҵҟатәа афеодалтә аибарххарақәа, адгьылқәа разықәԥара) Гелаҭтәи аберҭыԥ аекономикатә, акультуратә бзазара еиҵакит. Уи ажәытә аҭагылазаашьа хәҭак еиҭашьақәиргылеит Гьаргь Алаша. Қырҭтәыла аполитика аилаҳара (XV шәышқәса II азбжа) аамышьҭахь Гелаҭтәи аберҭыԥ амраҭашәаратәи Қырҭтәылатә аҳцәа рнапаҵаҟа ахь ииасит. 1510 шықәса абҵара 23 уи ирблит Имереҭи иажәылаз аосманцәа рар. Имераҭтәи аҳцәа Баграт III-тәи Гьаргь II-тәи Гелаҭтәи аберҭыԥ аҟны акыр ирҭбааз анхамҩатәи, аргыларатәи аусқәа мҩаԥыргеит – шьагәыҭла еиҭаҟарҵит, асахьаҭыхрақәа дырҿыцит, ирбгаз, икажьыз ауахәама-аеквдерқәа, аберҭыԥ иарҭит аҿыц адгьылқәа. Баграт III-тәи иаамҭатәи Гелаҭи «Иҩынтәи иргылаз» ахьӡырҵеит. Уи иган аҟны игылан Гелаҭтәи аҷкәындар Мелқиседек Саҟварелиӡеи, амраҭарәаратә Қырҭтәыла акатолик-апатриарх Евдемон Чхетиӡе. XVI-тәи ашәышқәса 20- тәи ашқәсқәа рзы Баграт III-тәи Гелаҭтәи аберҭыԥ аҿы аепископтә кафедра шьақәиргылеит, уи акыр ишьҭнахит аберҭыԥ аполитикатә-аморалтәи, аекномикатәи ҭагылазаашьа. XVI –тәи ашәышқәса II-тәи азбжазы амраҭашәаратә Қырҭтәыла акатоликос-апатриархратә арезиденциа Пицундатә Гелаҭиҟа ииаргеит. XVIII –тәи ашәышқәса инаркны Гелаҭтәи аберҭыԥ аҿы акырӡа иҭбааз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргеит Гьаргь VI-тәи, Алеқсандре V-тәи, Соломон I тәи, Соломон II-тәи, Гелаҭтәи аҷкәындарцәеи. XVIII –тәи ашәышқәсаз Урыстәылатә аимпериа ала Аҳра аԥырхра аамышьҭахь (1810) ашьҭахь Гелаҭи аберҭыԥ аҟны идуыз арҿиаратә усурақәа ирылагит. Еиуеиԥшымз аамҭазы араҟа аусура наргӡон Арсен Иҟалҭотәи, Иоан Петриҵи, Арсен Булмаисимисӡе, Петре Гелаҭтәи, Евдемон Чхетиӡе (1557- 1578), Еқвҭиме Саҟварелиӡе (1578-1616), Гедеон Лорҭқиԥаниӡе (XVII шәш.), Антон I-тәи, Зақариа Габашвили уҳәа уб.егь. 1923 шықәсазы Гелаҭтәи аберҭыԥ адыркит. Уажәы азы уи Қәҭешьтәи аҳәынҭқарратә аҭоурых-етнографиатә амузеи аҟәша ауп. ЕАА –қәа рацхыраара 2003 шықәса инаркны 2020 шықәсанӡа Еиду Америкатә Аштатқәа ацҳаражәҳәарҭа афонд Гелаҭтәи аберҭыԥ акомплеқс иазкны апроектқәа хәба афинансркра ҟанаҵит. Еиуеиԥшымз апроектқәа 2003, 2012, 2013, 2014, 2016 ашықәсқәа рзы имҩаԥган. Ахыннатә, 2003 шықәсазы, аберҭытә аҭӡысахьақәа арестоврациа рызура шьақәыргылан, адиагностикатә ҭҵаарақәа мҩаԥган. XII-XVIII-тәи ашәышқәсақәа рыла имшарбоу аҭӡысахьақәа рыҭҵаареи, иԥхасҭаз аусрыдулареи рыӡбит, хықәкыс иаман зыԥштәы хыббыз, акәыкәбаачымазарақәа, аҭӡысахьақәа рҿы аџьыкхыштә кристаллизациа аус адулара. Аҭҵаарала ишьақәыргылан, Гелаҭтәи Анцәадзыхшаз Мариам ацқьа егвтертәи аҭыӡсахьа зынӡа аныӡӡара аҟнынӡа инеины иҟан. 2012 шықәса, ацҳаражәҳәырҭа ала афинансрка зыҭаз апроект аҟазаратә жәларбжьаратәи ацентр ала имҩаԥган, егьырҭ аконсервациатә усурақәа рымҩаԥгареи, иара убас архитектортә аструктура хырԥара змамз аҭышәынтәалара, ашьыхреи, аҿаханҵақәеи рҿыгҳақәа рырӷәӷәара, аџьыкхыш амхра анагӡара азԥхьагәаҭан. 2013 шықәсазы, ацҳаражәҳәаҩ ифонд Гелаҭтәи аберҭыԥтә комплеқс архитектуратә структура ареабелитациазы, анышәаԥшьлых ала ахыбра, ахақә ҟьаԥсқәа ррыцқьаразы, аҭӡысахьақәа рхылаԥшразы, хырԥашьа змам аконсервациа азын, иара убас егьырҭ аусурақәа рымҩаԥгаразы 600 000 $ алнахит. 2014-2016 шықәсқәа рзы ацҳаражәҳәаҩ ифонд, аберҭыԥ ареабилитациазы даҽа ҩ-проектк мҩаԥнагеит. Архитектура Анцәа дзыхшаз лылацәеиқәԥсара ахьӡ зху аҟәырӷ зхагылоу аныхабаа хада ҩ-шьаҟаки, аныҳәарҭа аҭӡамцқәеи ирықәгылоу аҟрыӷ амоуп, амрагыларатәи аган ала х-кыцак змоу иԥыҳәҳәоу абсида. Ауахәама азын еиуеиԥшымз аамҭақәа рзы аԥыршьит: амраҭашәаратә аган- стоа, амрагыларатәи, аҩадала аеквдерқәа. Аныхабаа аҵакыра иаваргылақәоу налаҵаны 35 м. x 36 м, агылара 34 м. иаҟроуп. Адәахьала аныхабаа иҩычоуп еклартәи ахаҳәцәы ала, анаҿаԥшырсҭақәа акыр ицәгәьоу аритм змоу арԥшӡагатә ахыргьагьақәа рыла, зынӡагьы аџьоуҳар амашәа ауп ишыҟаҵоу. Иҭбаау ибзианы ирлашоу аҩнуҵҟатәи аҭыԥ аныҳәаратә нырра унаҭоит. Аҭӡы-камарақәа еизакны ихҩоуп еиуеиԥшымз аамҭақәа рзы иҟаҵаз асахьаҭыхрақәа рыла. Аныхабаа хада Амрагылара аган ала XII –тәи ашәышқәсатә Гьаргь ацқьа ихьӡ зху уахәамоуп. Аплани аформеи рыла уи аныхабаа хада еиԥшуп, аха еиҳа уи аҵкьыс ихәҷуп. Аҩнуҵҟа аҭыӡқәа хҩоуп XVI –тәи ашәышықәсазтәи асахьақәа рыла. Аныхабаа хада инадганы 9 м. игылоуп XIII-XIV-тәи ашәышықәса иатәу Николоз ацқьа ихьӡ зху ҩ еихагылак змоу ауахәама. Ҵаҟатәи аихагыла акәакь иаша амоуп, аԥшь-ҭӡы ахыргьагьа ала иаартуп, аҩбатәи аихагыла аџьар еиԥшу ауахәама хәҷы ауп. Аныхабаа хада аҩада амраҭашәарала XIII-тәи ашәышықәсатәи асаркьал асырҭа, уи ҵаҟатәи ахәҭа – ахыргьагьақәа рыла иаарту ахаҳәтә амчандыр- ахыҵхырҭа аваргылоуп. Уи аханы ацәахырҭа хәҷы амоуп, еиҳа ишьҭыхны, хыхь- асаркьал. Гелаҭтәи ансамбыль иалоуп академиа, ҳара ҳаҟнынӡа арбгара аҳасаб ала иааит. Акәакь иашала иргылоу аргылара (аҵакыра 300 м2 .) амрагыларала х-ҩналарҭак аман. Насшәа абжьаратәи аҩналарҭа ибеиаз ирԥшӡаз агәашә ҿарҵит. Аҭӡамцқәа рҟны ахаҳәлых тәарҭақәа аман. Аргылара аԥенџьр ду иарлашон, аҭӡамцқәа асахьақәа рнын. Аҭӡынҵара Аныхабаа хада аконза аҟны иануп еицдыру Гелаҭтәи амозаика, амраҭашәаратә стоиа аҟны XII –тәи ашәышқәса аҭӡысахьақәа, уаҟа иануп ауахәаматә аизара, амрагыларатә аеквдер аҟны –Давиҭ Нарин ҩба, XIII –тәи ашәышықәса иҭыхыз ипатреҭқәа. Аҭӡынҵара изныкымкәа ирҿыцын. Ҷыдала азҿлымҳара аҭатәуп аҭоурыхтә хаҽқәа рпатреҭқәа (XVI шәш.): аҩадатә аҭӡы аҟны иануп Имераҭтә аҳ иҭаацәа рхаҭарнакцәа. Иара абраҟа Давиҭ Аӷмашьенебели аҭӡысахьатә ипатреҭ, уи заанаҵатәи асахьаҭыхҩцәа рҭыхымҭа акәхап, аха XVI-тәи ашәышықәсазы еиҭарҿыцын ажәытә сахьа иақәырԥшны. Аҭынха Гелаҭтәи аберҭыԥ аҟны ишьҭоуп даараӡа ибеианы ирҩычоу, аминиатиурақәа рыла ирԥшӡоу ақырҭуа анапынҵарақәа, уи афонд ду ажәытәынгьы иҟан, иара убас ақырҭуа ачаԥаратә ҟазара иатәу рацәа иџьашьахәытәиу аусумҭақәа (иаҳҳә. Хахулит Анцәадзыхшаз лныха). Гелаҭтәи аберҭыԥ абаагәара инахыганы 150 м. аҟны, уи аҩада-амрагыларала, иаанханы иҟоуп сахастертәи аберҭыԥ ( икыдгылоз аберцәа рынхарҭа) арбгарақәа. Аберҭыԥ алада-амраҭашәарала ишьыху ахәы аҟны Саба ацқьа ихьӡ зху азал ԥшра змоу уахәама (X-XI шәш.шәш.) арбгарақәа. Уи иазааигәаны, амҩа инахыганы Илиа ацқьа ихьӡ зху ауахәама. Инаскьаганы, аӡиас Ҵҟалҵиҭела аҩхаа аҟны «Мыс Давиҭ» ҳәа изышьҭоу, аӷа иҟнытә аберҭыԥ ахьчараз, идуу игьажьу абааш арбгара.. Акультуратә баҟа 1994 шықәсазы Баграт иныхабаа иацны ироуит Иунеско адунеи аҭынхатә баҟа астатус. 2006 шықәса абҵара 7, ианашьан Қырҭтәыла акультура амилаҭтә ахадара змоу акатегориа абаҟа астатус. 2010 шықәса Багра иныхабаа излагахьаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны ианашьан ашәарҭа иҭагылоу абаҟа астатус, уи иара убас Гелаҭтәи аберҭыԥгьы ианашьан. 2010-2017 шықәсқәа рзы ианын ашәарҭа иҭагылоу абаҟақәа рсиа, асиа аҟнытә иалырхит 2017 шықәса ԥхынгәын 10. 2017 шықәса инаркны Баграт иныхабаа аҟнытә ихьԥшымкәа иҭаҩуп адунеи аҭынха асиа аҟны. Алитература ციციშვილი ი., ლომინაძე ბ., მენაბდე ლ., ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 3, თბ., 1978. — გვ. 37. Элемент маркированного списка ლომინაძე ბ., გელათი, თბ., 1955; მისივე, გელათი (მეგზური), თბ., 1959; Меписашвили П. С., Архитектурный ансамбль Гелати, Тб., 1966; Азхьарԥшқәа კულტურული მემკვიდრეობის პორტალი, № 8550 Азгәаҭақәа Қырҭтәылаҿы иҟоу аиашахаҵаратә берҭыԥқәа Имереҭи
34891
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9E%D1%86%D0%B8%D0%BD%D0%B4%D0%B0%D0%BB%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D1%83%D0%B0%D1%85%D3%99%D0%B0%D0%BC%D0%B0
Оциндалтәи ауахәама
Оциндалтәи Гьаргь ацқьа иуахәама () — ақырҭуа аргылараҟазареи амилаҭтә хадара акатегориеи имҵысуа абаҟа Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла аган, Чхороҵҟу амуниципалитет ақыҭа Ҭаиашьи, амшын аҳракырантә 640 метр ишьҭыхуп. Ауахәама XI–тәи ашәышықәсаз иргылан. Иара абри аамҭала иаамҭанҵоуп аныхабаа аӡахәала ирмазеиу иқәцәаау ашә уи иахьазы Қырҭтәыла амилаҭтә музеи аҟны ишьҭоуп. XIX–тәи ашәышқәса аан иаларҵәаз адырра ала араҟа аныхабаа Ҭамар Аҳԥҳәыс илырҿыцит. Аныхабаа аҟны уи шьақәзырӷәӷәо анҵамҭагьы ыҟан. Оциндалтәи ауахәама ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа ихадаӡаз адинхаҵаратә центр акәын, уаҟа Гьаргь имшныҳәа азгәаҭаразы Гыртәыла зехьынџьарантә анхацәа еизон. XX-тәи ашәышықәса алагамҭаз Оциндале аҟны анацәа рберҭыԥ ыҟан. Оциндалтәи ауахәама ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа ихадаӡаз адинхаҵаратә центр акәын, уаҟа Гьаргь II азгәаҭаразы Гыртәыла зехьынџьарантә анхацәа еизон. XX-тәи ашәышықәса алагамҭаз Оциндале аҟны анацәа рберҭыԥ ыҟан. 1923 шықәса Асоветтә анапхгара массала ианықәырхоз, иандырбгоз ауахәамааберҭыԥқәа, Қырҭтәылатә ажәытәра ахьчара акомитет ала, ишьақәыргылаз акомиссиа Гьаргь Чубинишвили инапхгарала, ишьақәнаргылеит, ажәытәреи аргылараҟазареи ала Жәыргьыҭтәи абазаҿ кьыс амамкәа еиқәырхан 11 ауахәама-аберҭыԥқәа, урҭ ирылан Оциндалтәи ауахәамагьы. XX-тәи ашәышықәсаҿ Оциндалтәи ауахәама ахадара ду змоу ауахәама еиԥш аҳәынҭқарра иахьчон. XX-тәи ашәышықәса 80–тәи ашқәсқәа рзы Оциндалтәи ауахәамеи, асаркьали еиҭаҟаҵан. Уажәы азын ара абацәа рберҭыԥ ыҟоуп. Оциндалтәи ауахәама 2006 шықәса абҵара 7 рзы, Қырҭтәыла ахада идҵала ианашьоуп амилаҭтә хадара змоу акультуратә имҵысуа абаҟа акатегориа. Алитература ქებურია ს. მემკვიდრეობას გაფრთხილება უნდა, ძეგლის მეგობარი, 84, 1989, გვ. 13-18 ბერაძე თ. ოცინდალეს ძეგლი, საბჭოთა ხელოვნება, 1962, N3, გვ. 72-73 Ахьарԥшқәа Қырҭтәыла Гыртәыла-Хыхьтәи Шәантәыла
34892
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A1%D0%B2%D0%B5%D1%82%D0%B8%D1%86%D1%85%D0%BE%D0%B2%D0%B5%D0%BB%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D0%BA%D0%B0%D1%84%D0%B5%D0%B4%D1%80%D0%B0%D1%82%D3%99%20%D0%B0%D0%BD%D1%8B%D1%85%D0%B0%D0%B1%D0%B0%D0%B0
Светицховелтәи акафедратә аныхабаа
Светицховелтәи акафедратә аныхабаа () — Қырҭтәыла аиашахаҵара ауахәама апатриархтә акафедратә уахәама хада, Қырҭтәыла Ан-аныхабаа, Қырҭтәыла акатоликос-апатриарх иқәгылара аҭыԥ, ашәышықәсабжьаразы ирацәаҩны ақырҭуа аҳцәеи рҭаацәра алахәылацәеи апатриархцәа анышә раҭара аҭыԥ ауп, XI ашәышықәса ақырҭуа аргылара абаҟа, ԥшьба акафедратә ныхабаақәа ируаку (Ошки,Баграт иныхабаа, Алаверди). Игылоуп Қарҭ аҟнытә 20 километр инахыганы, ақалақь Мцхеҭа аҟны. Светицховели аҟны ишьҭоуп Иҳақәиҭу ихарԥ, Елиа Азԥхьаҳәаҩ ишәҵа. Иунеско адунеи акультуратә аҭынха абаҟа. Аҭоурых Светицховели аҭоурыхтә аныхабаатә аргыларақәа зегьы реиҳаӡа идуу ауп иахьанӡа еиқәханы иҟоу рҟнытә. Уи ашәышықәсақәа рыбжьара ақьырсианратә Қырҭтәыла адинхаҵаратә центрны иҟоуп. IV-тәи ашәышықәсазы ирқьырсианыз Мириан Аҳ, Нино ацқьа лыбжьагарала араҟа раԥхьаӡатәи ауахәама иргылеит, уи ҳара ҳаҟнынӡа изымааит. 1970-1971 шықәсқәа рзы аиҭаргыларатә- арестоврациатә аусурақәа рымҩаԥгара аан, иҭҵаан уи ауасхыр, иара убас ари абазилик зегьы ахсаалагьы ҟаҵан, иара абраҟа иргылан Нино ацқьа луахәама андырбга аамышьҭахь, Вахтанг Горгасали V – тәи ашәышқәса II-тәи азбжазы. XI- тәи ашәышықәсазы иԥхасҭахаз абазилик аҭыԥ аҟны қарҭлтәи акатоликос Мелқиседек аҽыц ауахәама иргылеит. Уи аргыларазы Арсукисӡе дааиԥхьеит. Аргылара 1010 шықәса иалагеит 1029 шықәсазы иалгеит. Иара аҟазаара ахаан Светицховели изныкымкәа еиҭаҟаҵан. 1283 шықәсазы аныхабаа адгьылҵысра иԥхасҭанатәит. XIV ашәышқәсазы Гьаргь Алаша аныхабаа аҟәырӷ еиҭаҟаиҵит. Иара уи ашәышықәса анҵәамҭазы «Иаварҳҟватә аспацәа Ланг-Ҭемырисаҭа»- идырбгеит амраҭашәаратә ажәҩа аҵә-шьаҟақәа, ихыржәеит аҟәырӷ ахәцәа аха аныхабаа зегьы арбгара рылымшеит. XV-тәи ашәышықәса алагамҭазы Аҳ Алеқсандыр Ду аныхабаа ибзиаӡыны еиҭаҟаиҵит. 1656 шықәсазы Аҳ Ростом, Мариам Аҳԥҳәыси еиҭадыргылеит аҟәырӷ ахәцәа. 1813 шықәса жьҭаара мза 30 аеқзарқос Варлаам иаамҭазы ирҿыцын Светицховелтәи аҭаларҭа-агәашә, уи иунарбоит аепиграфтәи анҵамҭа. Археологиа Светицховелтәи аныхабаа Амрагылара аҟнытә амраҭашәара ахь акыр иҵәрыԥсоу акәакьҭаиаша планс иаман. Аџьар асахьа ақәыԥшылараҿы иргылоу аҟәырӷ аԥшьганк рыла еимадоуп аԥшьба жәҩахырқәа. Ажәҩақәа акәакьҭаиаша рымоуп, амрагыларахьтәи ажәҩа ада, уи аныҳәарҭа аԥсида ала инҵәоит. Аныҳәарҭа аладеи аҩадеи рыҟны ҩ-цәаҳәак ала иҟаҵоуп ацәахырҭақәа. Аҟәырӷ иӷәӷәоу ԥшь-шьаҟак ирықәгылоуп, аҟәырӷ ахәцәа 16 ԥенџьыр амоуп. Аныхабаа акырынтә ахаҿсахьа шаԥсаххьазгьы, ажәытә аҭӡысахьақәа реиҳарак ыҟаӡам, аҭӡамцқәа рыршкәакәара иамнахит уи асахьаҭыхратә акра ахымԥадара егьырҭ аоргантә хәҭақәагьы, уи иахьагьы даараӡа идуу аџьашьахәыра амоуп. Асахьаҭыхра XI-тәи ашәышықәсазы аныхабаа зегь исахьаҭыхын. Абри аамҭатәи асахьаҭыхрақәа иаанхаз зынӡа имаҷуп: аныхабаа амраҭашәаратә ажәҩа амраҭашәаратә аҭыӡы аҟны, асаркьал аҩадатәи-асцена агәырӷьаҽҳәала: Қьырсеи самариттәи аԥҳәыси, анышьа агәҭа алада амраҭашәаратәи ахыргьагьа аҟны – аҵиаатә аџьоуҳар, алада анышьа ажәҩан аршь аҟны еилкаам асцена ацәынхақәа. Егьырҭ аҭыхымҭақәа ихьшәоу аамҭа иатәуп. Аныҳәарҭа аҟны иаанханы иҟоуп асахьаҭыхра хыхьтәи арегистрқәа ҩба. Аконх аҟны иҭыхуп аҳ иҟәардә иантәалоу Қырса иаартна икуп анцәа ишәҟәы, амца зку агьежьқәа ирықәгылоу ҩыџьа амаалықьцәа, ахыргьагьа аҟны азгәыбылҩы сахьа змоу амаалықьцәа ԥшьҩык, аҭӡы аҟны ҩыџьа амаалықьхадацәа. Уажәтәиаамҭатә аҭыхымҭа XVI, XVII ма XVIII ашәышықәса иаҵанакуазаргьы ҟалоит. Ирҿыцуп XIX-тәи ашәышқәсазы. Еиҳа аинтирес амоуп аныхабаа аҩнуҵҟа, аиаша уҳәозар «Свети» (абаашеиԥшу аргылара) XVII-тәи ашәышықәса анҵәамҭаз асахьаҭыхра, уаҟа ақырҭуа ахымҩаԥгаратә аепизодқәа аарԥшуп (аҭыхрақәа анапхгаҩы асахьаҭыхҩы Григол Гулџьаварасашвили, аиҳабы – Николоз акатоликос). Адәахьылагьы иԥсаху даараӡа ирацәоуп: аҟәырӷ ахәцәа, аҿаԥшылара ахарԥ ахәҭа (уи ахаҳә еҵәала ирҩычоуп) XV-тәи ашәышықәса I азбжа иатәуп (арестоврациа Алеқсандруе I адуӡӡа ила инагӡоуп, Ҭемурленг ижәылара аан аныхабаа даараӡа аԥхасҭа ду азун, уи аамышьҭахь иҟаҵоуп), арелиефтә аҭыхымҭақәа шьоукы рҭыԥ ԥсахуп, XVII-тәи ашәышықәсатә алагамҭақәагьы ыҟоуп, аха арҭ арестоврациақәа еиларымгеит аргылара ишьагәыҭу аформақәеи, апропорциақәеи. Аныхабаа ажәытәӡара Археологиатә маҭәарқәа рыла ишьақәыргылоуп, аԥсыжырҭатәи аҭыԥ уи раҭхьаӡатәи ауахәама андыргылаз инаркны иҟоуп. Идырым ари аҭыԥ аҟны ижу ауаа зусҭоу IV-тәи ашәышықәсанӡа, дҳамԥхьаӡар аивреи Сидониа Иҳақәиҭу ихарԥ игәы инадиҵан, уа иԥсыз анышә дарҭит ахарԥ ашьаҟа аҭыԥ аҟны. Светицховели анышә иаҭоу иазку адырра Вахтанг Горгасали иамадоуп. Иахьазы Вахтанг Горгосали раԥхьатәи иԥсыжырҭатә ахаҳә аанымхеит. Аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа рыла Светицховеи аҟны Вахтанг Аҳ нас ауп анышә данарҭаз Евстаҭи Мцхеҭатәи. Акгьы дырым аҩыратә хыҵхырҭақәа рылагьы VI-XI –тә ашәышықәсақәа рзы уа анышә иаҭоу рзы. Ишдыру ала 1010 – 1029 шықәсақәа рзы Светицховелтәи х-нышьак змоу абазилик ирҿыцын, еиҭаҟаҵан акатоликос-апатриарх Мелқиседек I –тәи иаԥшьгарала. иара Мелқиседек I –тәи иакәын раԥхьаӡа анышә иарҭаз ҿыц иргылаз Светицховели аҟны. «Мелқиседек иуасиаҭ-шәҟәы) ала. Уи 1896 шықәсазы иаларҵәан Ҭ. Жорданиа ила. 1049 шықәсазы Мелқиседек иаамышьҭахь, иара иадиргылаз алада еквдер аҟны анышә дарҭоит Қырҭтәыла анаҩстәи акатоликос-апатриарх Иоане V ахьҿа. XII –тәи ашәышықәса инаркны ақырҭуа аҩымҭатә хыҵхырҭақәа рыла, анашә иамоу рыҟнытә раԥхьаӡа Светицховели анышә иарҭаз дыруакуп Демна аҳиԥа, Давиҭ V –тәи иҷкәын Гьаргь III –тәи иашьаиԥа. Иҟоу агәаанагарала, уи дыҟан светицховели аҟны Багратиониаа рыжәлашьҭра ахаҭарнак анышә иаҭара раԥхьаӡатәи ахҭыс. XIII –тәи ашәышқәса Светицховели иҟалоит Багратиониаа рыԥсыбҩа ҭыԥны. 1248 шықәса Светицховели аҟны анышә дарҭит Ула Давиҭ раԥхьатәи иԥҳәыс Аҳԥҳәыс Џьигда-Хаҭуна. 1271 шықәса Светицховели анышә дарҭит Лаша-Гьаргь иԥа Улу Давиҭ. Уи ари аныхабаа аҟны Аҳ Багратиониа анышә иаҭара раԥхьатәи ахҭысуп. Абаагәара Светицховели иаакәыршаны иамоуп аквадрат форма змоу аанда (121,6 м; X 110,5 м.). Уи ргылоуп 1787 шықәса, Ерекле II –тәи идҵала , уи шьақәнарӷәӷәоит аладатәи аган аҭаларҭа ахы аҟны иҭырҿҿоу анҵамҭа: Иара абри анҵамҭа ала иубоит, Светицховели уаанӡагьы ишамаз аанда-акәырша, уи ахәҭақәа алоуп уажәтәи амрагыларатәи аҭӡы аандаҿы. Абаагәара ажәытә ахәҭа иҟаҵоуп ахаҳә-цәы ала, џьара-џьара аҭыԥынтәи ахаҳәгьы рхы иадырхәон.Ерекли иаамҭатәи аргыларақәа реиҳараӡ аӡииас хаҳә ала ауп ишыргылоу. Аҭӡы иалҳәҳәо аҵәқәеи акылҳарақәеи ақьылмытгьы алоуп. Аанда ҩ-еихагылак амоуп: ҵаҟатәи ахәҭа зегьы зынӡа ишәаҳауп, хыхьтәи иамоуп аиқәԥаратә мҩахәасҭа, аҭӡамц иҭаҟаҵоуп ашәақьқәа, акылҳарақәа. Аанда иалоуп ф-цилиндр форма змоуи ҩба аԥшькәакьҭа змоу абаашқәа. Абаашқәа ҩба-хԥа еихагыла рымоуп. Аҵыхәтәантәи аихагыла ацәахырҭа ауп. Аанда кәырша ладатәи аҭӡы аҟны агәашәхәҷы амоуп. Уи адагьы аладатәи аҩадатәи аҭӡамцқәа рҿы иҭшәоу ашәқәа ҩба амоуп. Аанда амрагыларатәи аган ала аҭӡы иалоуп XI-тәи ашәышқәса аԥенџьыр, асаркьал, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иргылаз аԥсҭазааратәи, ақыҭанхамҩатәи аргыларақәа. Аҟәырӷ хәыҷы зхагылоу ауахәама, аладатәи адыргыларақәа Диубуа де Монперес иҭыхымҭақәа рҿы. Алитература ბერიძე ვ., ძველი ქართული ხუროთმოძღვრება, თბ., 1974; ჩუბინაშვილი გ., ქართული ხუროთმოძღვრება საშუალო საუკუნეებში და მისი სამი მთავარი კათედრალი, კრ.:არილი, ტფ., 1925; Гвердцители Р., Мцхета, Тб., 1962 ”საქართველოს ისტორიისა და კულტურის ძეგლთა აღწერილობა” რედკოლეგია: ვ. დოლიძე, ს. კინწურაშვილი, უ. სიდამონიძე, თბილისი 1990, ტომი 5 Натроев А. Мцхет и его собор Свэти-Цховели. Историко-археологическое описание. 1900 კუდავა ბ., ქართველი მეფის დაკრძალვის ადგილი: პიროვნული არჩევანი, ტრადიცია თუ პოლიტიკური გადაწყვეტილება?, „ისტორიანი“ (სამეცნიერო კრებული, მიძღვნილი როინ მეტრეველის დაბადების 80 წლისთავისადმი), თბ., 2019, გვ. 139-167. Азхьарԥшқәа სვეტიცხოველი (მცხეთა) | საქართველოს ისტორიულ ძეგლთა ბიბლიოგრაფიული ლექსიკონი სვეტიცხოველი (მცხეთა) | ქართველოლოგიური წიგნებისა და კრებულების ფოტომასალის აღწერილობა სვეტიცხოველი, უფლის კვართის ამბავი. სვეტიცხოვლის შესახებ . გზაშემეცნებისაკენ. მცხეთა - მეორე იერუსალიმი. ბუბა კუდავა, ქართველ მეფეთა დაკრძალვის ადგილები / Buba Kudava, The Burial Sites of the Georgian Kings Азгәаҭақәа Аԥсны ауахәамақәа
35170
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B4%D1%83%D0%BD%D0%B5%D0%B8%D0%B7%D0%B5%D0%B3%D1%8C%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D0%BA%D1%83%D0%BB%D1%8C%D1%82%D1%83%D1%80%D0%B0%20%D0%B0%D0%BC%D1%88
Адунеизегьтәи акультура амш
Адунеизегьтәи акультура амш () — мҩаԥыргоит акультура ахьчараз Жәларбжьаратәи Алига аԥшьгарала. Лаҵарамза 31, 2003 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны иазгәарҭо иалагеит еиуеиԥшым акультурақәа рыдиалоги рыҿиареи рзы Адунеизегьтәи амш. Адунеизегьтәи акультура амш хықәкы хадас иамоуп– аглобализациа анырра иахҟьаны акультурақәеи, абызшәақәеи, ақьабзқәеи рыбжьаӡра алмыршара. Аԥсны акультура ахьчара азҵаара азҿлымҳара ду арҭоит. Ҳара ҳазгәыдууп амузеиқәа, атеатрқәа, абиблиотекақәа ирымоу аҳаҭыр ҳарак, иара убас урҭ имҩаԥырго ароль ҳауаажәлар ринтеллектуалтәии рдоуҳатәии ԥсҭазаараҿы. Акультура хаҭала ауаа ирыцхраалароуп, еиҳарак абиԥара ҿа, ииашоу амҩа алхраҿы, иарҿыхароуп ацәанырра рмилаҭ азгәыдуреи ртәылауаҩра аԥсахареи рзы. Алитература Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Копешавидзе Г.Г. Культура и быт абхазов, проживающих в Аджарии: (историко-этнографический очерк). - Тб.: Мецниереба, 1985. Лаҵарамза 31 Акультура
35171
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B4%D1%83%D0%BD%D0%B5%D0%B8%D0%B7%D0%B5%D0%B3%D1%8C%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D0%BC%D1%88%20%D2%AD%D0%B0%D2%AD%D1%8B%D0%BD%D0%B4%D0%B0
Адунеизегьтәи амш ҭаҭында
Адунеизегьтәи амш ҭаҭында () — Адунеизегьтәи амш ҭаҭында шьақәырӷәӷәан 1988 шықәса рзы Агәабзиарахьчара Адунеизегьтәи ахеилак абзоурала. Агәабзиарахьчара Адунеизегьтәи ахеилак иалнаршоит апланета иқәынхо ауааԥсыра ашьцылара бааԥсы - ауаҩытәыҩса иҭоурых аҿы зегь реиҳа иалаҵәоу аепидемиа - аникотиноманиа рацәыхьчара. Аҭаҭын ахара заҟа ишәарҭоу маҷны ирым ҳәаӡацт. Аҭаҭын ахара ицәырнагоит х-чымазарак: арыԥҳа акьыба; ауаҩ илаҽу абронхит, иара убас аемфизема; ашьа чымазара. Аҭаҭын ахарала ауаҩы игәабзиара иҵишәаауа шәарҭахоит ҭаҭын дахацыԥхьаӡа. Аҭаҭын ахара Ауаҩы заҟа заа далаго, убри аҟара ишәарҭоуп игәабзиара. Алитература Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Лолуа Е. Некоторые депутаты дали «Донскому табаку» прикурить...»: [вопрос о продаже оздоровительной базы «Донского табака»]/Елена Лолуа//ЭА. - 2012. – 16 октября, (№32). - С.5-6. Гулия К. Подарок Колумба: [О табаке, который подарил Колумб]/ Константин Гулия//Нужная газета. - 1989. - 1 апреля, (№14). - С.2. Лаҵарамза 31
35172
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%85%D3%99%D1%8B%D2%B7%D2%9B%D3%99%D0%B0%20%D1%80%D1%8B%D1%85%D1%8C%D1%87%D0%B0%D1%80%D0%B0%20%D0%96%D3%99%D0%BB%D0%B0%D1%80%D0%B1%D0%B6%D1%8C%D0%B0%D1%80%D0%B0%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D0%BC%D1%88
Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш
Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш () — рашәарамза 1 азы азгәаҭара шьақәырӷәӷәан абҵарамза 1949 шықәса рзы Аҳәса жәларбжьаратәи рдемократиатә федерациа асессиаҿы. Рыцҳарас иҟалаз, иахьа ахәыҷқәа рзинқәа анеиларго ыҟоуп, убри азы ахәыҷқәа рыхьчара амш - ари ахәыҷқәа зырлахҿыхуа ныҳәан ишыҟоугьы, иара ауаажәларра иргәаланаршәоит ахәыҷқәа рзинқәа шыхьчалатәу, ахәыҷқәа ирызҳаларц азы насыԥ рыманы, аҵарадырра рыманы, амҩа иаша ылхны, раԥхьаҟа аҭаацәарақәа аԥҵаны ртәыла иаԥсо уааны иҟаларц азы. Иуҳәар ауеит, хықәкы хаданы ишыҟо иаԥшьызгаз рзы ауаажәларра ргәаларшәара ахәыҷқәа рзинқәа шыхьчалатәу. Алитература Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Квициния М.В Сухуме новорожденных прибавится: [об открытии сухумского роддома, после ремонта]//КП. - 2009. - 14 авг., (№28). - С.4. Чача З. Я люблю детей: где десять, там и двенадцать: [о многодетной семье Шурика Хашиг и Марины Чагава]/Зоя Чача//Нужная. - 2009. - 8 сент., (№36). - С.8-9. Рашәарамза 1
36634
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D1%81%D1%85%D1%8C%D0%B0%D0%BA%20%D0%91%D1%83%D1%81%D1%85%D1%8C%D0%B0%D0%BA%D0%B8%2C%20%D0%9C%D1%83%D1%81%D1%82%D0%B0%D1%84%D0%B0
Исхьак Бусхьаки, Мустафа
Мустафа Исхьак Бусхьаки (; , Алжир) — Алжир астрофизик, акосмолог, атеориатә физик, аҭҵаарадырратә-популиартә шәҟәыҩҩы, Даллас ақалақь аҿы Техастәи ауниверситет апрофессор. Азгәаҭақәа Алитература Мустафа Исхьак Бусхьаки Мустафа Исхьак Бусхьаки: INSPIRE-HEP Мустафа Исхьак Бусхьаки: IEEE Мустафа Исхьак Бусхьаки: SMDPI SciProfiles Мустафа Исхьак Бусхьаки: Semantic Scholar Мустафа Исхьак Бусхьаки: Publons 1967 шықәсазы ииз Хәажәкырамза 7 рзы ииз Аҟабылцәа Америкатәи астрофизикцәа Алжиртәи астрофизикцәа Америкатәи акосмологцәа Атеориатә физикцәа Алжиртәи аҭҵаарадырратә-популиартә литература авторцәа Аҵарауаа Бусхьакиаа
36971
https://ab.wikipedia.org/wiki/The%20Rolling%20Stones
The Rolling Stones
The Rolling Stones — Британиатәи амузыкатә гәыԥ ыҟан. Альбомқәа The Rolling Stones (1964) 12X5 (1964) Rolling Stones No. 2 (1965) The Rolling Stones Now! (1965) Out of Our Heads (1965) December’s Children (And Everybody’s) (1965) Aftermath (1966) Got Live If You Want It! (1966) Between the Buttons (1967) Flowers (1967) Their Satanic Majesties Request (1967) Beggars Banquet (1968) Let It Bleed (1969) Get Yer Ya Ya’s Out (1970) (Live) Sticky Fingers (1971) Exile on Main St. (1972) Jamming with Edward (1972) Goats Head Soup (1973) It's Only Rock 'N Roll (1974) Black and Blue (1976) Love You Live (1977) (Live) Some Girls (1978) Emotional Rescue (1981) Tattoo You (1981) Still Life (1982) (Live) Undercover (1983) Dirty Work (1986) Steel Wheels (1989) Flashpoint (1991) (Live) Voodoo Lounge (1994) Stripped (1995) (Live) The Rolling Stones Rock and Roll Circus (1996) (Live) Bridges to Babylon (1997) No Security (1998) (Live) Live Licks (2004) (Live) A Bigger Bang (2005) Blue & Lonesome (2016) Hackney Diamonds (2023) Азхьарԥшқәа Британиатәи амузыка
37010
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%91%D1%83%D1%81%D1%85%D1%8C%D0%B0%D0%BA%D0%B8%2C%20%D0%A1%D0%B8%D0%B4%D0%B8
Бусхьаки, Сиди
Сиди Бусхьаки (; 1394, Сумаа - 1453, Сумаа) — Амалики теолог. Диит Сумаа ақыҭаҿы, Тениа ақалақь ааигәаны. Азгәаҭақәа Алитература Сиди Бусхьаки (1394-1453) - Youtube Сиди Бусхьаки - Youtube Сиди Бусхьаки - Youtube Сиди Бусхьаки - Youtube Сиди Бусхьаки - Youtube 1394 шықәсазы ииз 1453 шықәсазы иԥсыз Алжиртәи аимамцәа Алжиртәи асуфи ацқьацәа Алжиртәи асуфицәа Алжиртәи ашаризм Алжиртәи Амаликитә ҵарауаа Абербер аҵарауаа Аҟабылцәа Бусхьакиаа
37013
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%91%D1%83%D1%81%D1%85%D1%8C%D0%B0%D0%BA%D0%B8
Бусхьаки
Мустафа Исхьак Бусхьаки — Алжир астрофизик, акосмолог, атеориатә физик. Мухаммад Аль-Сагир Бусхьаки — Алжир aполитикцәа политик. Сиди Бусхьаки — Алжир бусалбанийн динан Ӏилманхо.
37076
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%91%D1%83%D1%81%D1%85%D1%8C%D0%B0%D0%BA%D0%B8%2C%20%D0%9C%D1%83%D1%85%D0%B0%D0%BC%D0%BC%D0%B0%D0%B4%20%D0%90%D0%BB%D1%8C-%D0%A1%D0%B0%D0%B3%D0%B8%D1%80
Бусхьаки, Мухаммад Аль-Сагир
Мухаммад Аль-Сагир Бусхьаки (; 1869, Алжир - 1959, Алжир) — алжирский политик, парламентарий и ученик суфия. Родился и вырос в духовной среде в семье Бусхаки, в деревне Сумаа недалеко от города Тения, в 53 км к востоку от Алжира. Боролся за независимость Алжира от Франции. Участвовал в политической жизни и избирательном процессе после Первой мировой войны и всю свою жизнь посвятил подготовке алжирской революции 1 ноября 1954 года против французской колониальной системы и против французской армии. Азгәаҭақәа Алитература 1869 шықәсазы ииз 1959 шықәсазы иԥсыз Алжиртәи аполитикцәа Алжиртәи аберберцәа рполитикцәа Алжиртәи амилаҭеилыхра Францызтәи Алжир иҟоу ауаа Аҟабылцәа Бусхьакиаа
37203
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9A%D0%BE%D0%BD%D1%81%D1%82%D0%B0%D0%BD%D1%82%D0%B8%D0%BD%20III
Константин III
Константин III, ма Константин ахԥатәи ( - ) — аабатәи аԥсҳа иоуп . Иара импыҵаихалеит Кахеҭи насгьы Ереҭи 915 шықәсазы. Избан акәзар 914 шықәсазы арабцәа Қарҭли иақәлеит. Убри азыҳәан Адарнасе Ҭао-Кларџьеҭи иҽиҵәахит, уи ашьҭахь аԥсҳа дивассалуп азхарҵеит. Константин ахԥатәи даара дҽирӷәӷәеит. Убри азыҳәан еиҭах амрагылара ақәлара илшоит. 915 шықәсазы Константинеи насгьы Квиркеи (Кахеҭи аҳ) еидгылеит. Урҭгьы аԥсҳа дивассалуп азхарҵеит. Аидгылацәа Ереҭи иақәлеит. Уигьы рымпыҵарӷәӷәеит. 923 шықәсазы иԥсыз Аԥсҳацәа Ачаа
37204
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A7%D0%B0%D1%87%D0%B1%D0%B0%2C%20%D0%90%D1%81%D0%BB%D0%B0%D0%BD%D0%B1%D0%B5%D0%B8%20%D2%9A%D1%8C%D0%B0%D0%BB%D1%8B%D1%88%D1%8C%20%D0%90%D2%B3%D0%BC%D0%B0%D2%AD%D0%B1%D0%B5%D0%B8-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
Чачба, Асланбеи Қьалышь Аҳмаҭбеи-иԥа
Қьалышь-беи иԥсра ашьҭахь , Аԥсны аҳратәра аконтроль ҟаиҵон иҷкәын аиҳабы, Аслан-беи . Зегь Урустәылатәи адокументқәа рҟны, Аслан-беи иаб иԥсра дхаран ҳәа ианын. Абри ҩыза ааҳәра Урыстәылатә аиҳабцәа иргәамԥхаӡит , зегь реиҳа Нина Дадиани , рашәарамза 8 , 1808 шықәсазы Урустәылатә император даалцҳаит: ҳаҩны Зугдиди <<ҳамаҳә Сафар-беи дцәырҵит >>(Иара иԥҳәыс Тамара Дадиани, Григори Дадиани лаҳәшьа ) Иара аҭоуба аиашазы аурысцәа риҭит . Насгьы аурысцәа диҳәеит , арра иҭахуп , Аслан-беи аҿаԥхьа ҳәа 1808 шықәсазы нанҳәамзазы , генерал Рыкгоф , Граф Гуд-иԥа идҵаҟны , Аҟәа-кале дақәлеит, бџьарла еибыҭоу агыруа , Нина Дадиани ларра насгьы ҩыџьа амаҳәцәа Манучар ( Мырзаҟан аҟынтә) насгьы Сефербеи Чачба. Аха Аслан-беи ацхыраара ииҭеит Кучук-беи Чачба, ( Иара Кучук-беи комендант Паҭ ҳәа дырԥхьаӡон) , 3-ӷбак иманы,.(Аргьы уа иҟан) . Анаԥа/Шәача аҟынтә иааит 300-шә ачарқьазцәа. Рыкгоф иаибашьратә иоперациа ибзианы инымҵәаӡеит ! Аҟәа-кале ирзымгеит ! Сефербеи гьы Агыртәыла акгьы имгаӡакәа дхынҳәит . Аслан-беи ивторитет еиҳа идуухит . Иара ихы иаирхәон иажәлар рподдержка . Убри ада Аслан-беи Саӡтәи (Џьигеттәи) аԥҳәыс дызмоу Гечба аҳкәажә, ихы иаирхәон амраҭашәара рыуаажәларра Саӡтәыла, Адыгааи насгьы Аублааи. Аха Урустәылеи Агыртәылеи рымчала, Сафар-беи аиҳабыра дгылт . Аԥсны аҳратәра Урустәыла раиҳабыра реилазаара ииасит . Аха Аслан-беи зыхьӡу ҩынтә восстание иааиҵит. 1810 шықәсазы ишьақәыргылеит , аха абзиара дақәымшәеит , аурысцәа аиааира ргеит Аха 1824 шықәсазы Аслан-беи еиҭаҟаиҵеит , еиҭах восстание ишьақәыргылеит . Аурысцәа аколонистцәа аҿаԥхьа. Аӷа ир рыцҟеьит Аха уи ашьҭахь Ҭырқәтәылаҟа дхынҳәит . Аслан-беи Қьалышь-иԥа Чачба
37207
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%95%D0%BD%D1%8B%D0%BA%D1%8C%2C%20%D0%9B%D0%B5%D0%BE%D0%BD%D0%B8%D0%B4%20%D0%A8%D0%B0%D0%BC%D0%B5%D0%BB-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
Еныкь, Леонид Шамел-иԥа
Леонид Шамел-иԥа Еныкь (диит ) — Аԥсны аҿыханҵаҩ. Абиографиа Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа даналга ашьҭахь, дҭалоит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә сахьаҭыхратә академиа. Иара Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭҭә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиаҿы директорс дыҟан, иамаз афонд ахьчареи аиҭарҿыцреи азуреи дазааԥсон. Л.Ш. Еник иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура министрс аус иуан. Иахьатәи аамҭаз иара А. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿ дырҵаҩуп. Леонид Шамел-иԥа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла имҩаԥнагоз ацәыргақәҵақәа Аԥсни аҳәаанырцәи дрылахәхахьан: Ҭырқәтәыла, Италиа. Иусумҭақәа ыҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭҭә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиаҿы, иара убас аҳәаанырцә, ахатә коллекциақәа рҿы. Алитература Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Абхазское искусство: живопись. Скульптура. Графика. Декоративно-прикладное искусство. XX век//Мин-во культуры РА; Союз художников РА; СПб. абх. об-во «Апсны». - Сухум: СПб.: «Рус.классика», 2004. - 136 с. Абхазы/Отв. ред. Ю.Д. Анчабадзе, Ю.Г. Аргун; Ин-т этнологии и антропологии им. Н.Н. Миклухо - Маклая РАН; Абхазский ин-т гуманитарных исследований им. Д.И. Гулиа. - М.: Наука, 2007. - 551 с. Рашәарамза 2 рзы ииз 1960 шықәсазы ииз Аҧсны Аҳәынҭқарра акультура министрцәа
37242
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D2%9E%D0%B0%D1%82%D0%B0%D1%80
Ҟатар
Ҟатар (), аофициалтә хьӡы: Ҟатар Аҳәынҭқарра' () — Мраҭашәаратәи Азиа иҟоу аемират, Аџьамтә ӡыбжьахала ага иқәу. Азгәаҭақәа Азиатәи атәылақәа Амонархиақәа Аемиратқәа
37248
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9B%D0%B8%D0%B2%D0%B0%D0%BD
Ливан
Ливан (), аофициалтә хьӡы: Ливантәи Ареспублика' () — Мраҭашәара-азиатәи атәыла. Иҟоуп Адгьылбжьаратәи амшын ага иқәу. Азгәаҭақәа Азиатәи атәылақәа Ареспубликақәа
37252
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9B%D0%B0%D0%BE%D1%81
Лаос
Лаос (), аофициалтә хьӡы: Лаостәи Жәлартә-Демократиатә Республика () — алада-мрагыларатәи Азиаҿы иҟоу атәыла. Азгәаҭақәа Азиатәи атәылақәа Ареспубликақәа Акоммунисттә тәылақәа
37254
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9C%D0%B0%D0%BB%D0%B0%D0%B8%D0%B7%D0%B8%D0%B0
Малаизиа
Малаизиа () — алада-мрагыларатәи Азиаҿы иҟоу афедеративтә ҳәынҭқарра, аконституциатә монархиа. Азгәаҭақәа Азиатәи атәылақәа Афедеративтә монархиақәа
37256
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9C%D0%B0%D0%BB%D1%8C%D0%B4%D0%B8%D0%B2
Мальдив
Мальдив (), аофициалтә хьӡы: Мальдивтәи Ареспублика () — алада-азиеи Индиатәи аокеани рҿы рҟоу архипелагтә тәыла. Азгәаҭақәа Азиатәи атәылақәа Ареспубликақәа
37258
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9C%D0%B8%D0%B0%D0%BD%D0%BC%D0%B0
Мианма
Мианма (), аофициалтә хьӡы: Аидгыла Мианма Ареспублика (), ма Бурма (аофициалтә хьӡы 1989 шықәса рҟынӡа) — алада-мрагыларатәи Азиаҿы иҟоу атәыла. Азгәаҭақәа Азиатәи атәылақәа Ареспубликақәа Адиктатура
37263
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D4%A5%D1%81%D0%BD%D1%8B%20%D0%90%D1%84%D1%8B%D1%80%D1%85%D0%B0%D2%B5%D0%B0
Аԥсны Афырхаҵа
Аԥсны Афырхаҵа () — Аԥсны иреиҳаӡоу алкаара. Ахьӡи амедали аԥҵоуп 1992 шықәса ԥхынҷкәынмза 4 рзы. Анашьаразы аҵаҵӷәқәа ариашара Ахьыӡқәа рыхҵахоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿаԥхьа афырхаҵара аарԥшра инамаданы хаҭалатәи ма аколлективтәи лшамҭақәа рзы. Ахьыӡ рыхҵахоит Аԥсны атәылауаа реиԥш, Аԥсны Аҳәынҭқарра иатәылауаам ахаҿқәагьы Амедаль ахҳәаа Аԥсны Афырхаҵа ранашьахоит ҷыдала аҽалкааразы адырга — амедаль. Амедаль ихьӡырку аметалл иалху, аа-кәакьҭак змоу, агәҭаҟны иԥсаҟьаны ашәахәақәа зну еҵәоуп. Аеҵәа ахыхь ианубаалоит астилизациа зызу игәылгоу амра адырга. Аеҵәа агәҭаны хәы змоу ахаҳә ануп. Ахҳәааҟны иарбоу хәы змоу ахаҳә ахаангьы хархәара амоуӡац. Аа-кәакьҭак змоу аеҵәа еиҿагылоу анҵәамҭақәа — 35 мм рыбжьоуп. Амедаль аарҳәны ашьҭахьтәи аган аԥсышәала «Аԥсны афырхаҵа» ҳәа аҩыра ануп. Амедаль алымҳацәи амацәази рыла бырфынла ихҟьру ԥшь-кәакьҭак змоу ачаԥара иадҳәалоуп. Алента ԥшшәқәас иамоуп —зҽеиҭнызыԥсахло ииаалоу ацәаҳәақәа ԥшьба ишьацԥшшәылоуи хԥа ишкәакәои. Амедальқәа рдизаин авторс дамоуп — асахьаҭыхҩы Валери Гамгьиа. Аныҟәгашьа аԥҟарақәа Амедаль ныҟәыргоит агәышԥы арымарахьтәи аган аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аорденқәеи амедальқәеи рханы. Аԥсны Афырхаҵа Анашьаразы актәи аусԥҟа инапы аҵаиҩит Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба 1993 шықәса ԥхынҷкәынмза 30 рзы. Абри аҽны «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ рыхҵан 25 –ҩык аибашьра аветеранцәа. 2014 шықәса ԥхынҷкәынмза 4 рзы «Аԥсны Афырхаҵа» амедаль ранашьан 363-ҩык. Ақалақьқәа-афырхацәа ариашара Тҟәарчал Гәдоуҭа Алитература Безруков М. П., Туровский А. Е. Награды государств мира. — Тула: Гриф и К, 2013. — С. 13. — ISBN 978-5-91503-137-3. Азгәаҭақәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа
37268
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%91%D3%B7%D0%B0%D0%B6%D3%99%D0%B1%D0%B0%20%D0%A5%D3%99%D1%8B%D1%85%D3%99%D1%8B%D1%82
Бӷажәба Хәыхәыт
Бӷажәба Хәыхәыт Салуман-иҧа​ (1914 ш. абҵарамза 15), Аҧсны, Аҟәатәи аокруг, Кәыдрытәи аучасток (иахьатәи Очамчыра араион), Гәыҧ ақыҭа – ҧхынҷкәынмза 23, 2000, Аҧсны, Аҟәа) – аҧсуа лингвист, алитератураҭҵааҩ, афольклорист. Раҧхьатәи афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидатцәа дыруаӡәкуп (1941). Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор (1969). Хәыхәыт Бҕажәба инысымҩа Бӷажәба Хәыхәыт Салуман-иҧа – аҧсуа лингвист, алитератураҭҵааҩ, афольклорист. Раҧхьатәи афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидатцәа дыруаӡәкуп (1941). Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор (1969). Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик (1997), СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Аҧсни Қырҭтәылеи аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩы, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат (1986, ашәҟәы «Аиҩызара ашықәснҵа адаҟьақәа» азы). Аҧсуаҭҵаареи, аҧсуа бызшәеи, алитературеи, афольклори рыҭҵаараҿы илагала дууп. Иаб данҧсы (1923) ашьҭахь, ихәыҷра шықәсқәа ихигеит ианшьцәа рҟны, Арасаӡыхь ақыҭан. Ҩышықәса аҵара иҵон Очамчыратәи жәшықәсатәи ашкол аҟны. Анаҩс Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи аҧсуа школ далгеит (1933). Иҵара иациҵеит В.И.Ленин ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҭоурых-филологиатә факультет аҟны (1937). 1938​ шықәсазы С. Н. Џьанашьиа иабжьгарала, Қырҭтәылатәи ССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа абызшәадырра аинститут аспирантура дҭалеит. Иҵара далгеит 1941 шықәсазы, акандидаттә диссертациагьы ихьчеит. 1937 ш. ҭагалан инаркны Д.И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи​ ​ ринститут (иахьа – Аҧсуаҭҵаара аинститут) аҭҵаарадырратә усзуҩын, иара убас Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩсгьы дыҟан. Алитература-сахьаркыратә журнал «Аҧсны ҟаҧшь» аредакторс даман. 1941 ш. нахыс, аспирантура даналга аус иуан Аҧсуа институт аҟны литературатә усзуҩы еиҳабыс, ашьҭахь – адиректор ихаҭыҧуаҩыс (1949–1953), адиректорс (1953–1966), абызшәеи алитературеи рыҟәша аиҳабыс, алитературеи афольклори рыҟәша аиҳабыс, аҭҵаарадырратә усзуҩы хадас (1996 ш. инаркны). 1945–1948 шш. раан – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла дахантәаҩын. 1969 ш. Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҧсышәала ихьчеит адоктортә диссертациа «Аҧсуа бызшәабзыҧтәи адиалект афонетика-морфологиатәи алексикатәи ҷыдарақәа». А.​ М.​ Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны аҧсуа литературеи, абызшәадырра алагалеи, азеиҧш бызшәадырреи ирызкны алекциақәа дрыҧхьон (1940–1970 шш.). Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далырххьан (1938; 1947; 1951; насгьы 1954 шықәсазы), Қырҭтәылатәи ССР Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩыс дыҟан (1959–1966). Алитературатәи аҭҵаарадырратәи усура хациркит 1933 шықәсазы «Ҳаамҭазтәи аҧсуа литература критикала ахәаҧшра…» ишәҟәы ала (аҧсуа литературатә критикеи алитератураҭҵаареи русхк аҟны ари раҧхьатәиуп). Хәыхәыт Салуман-иҧа иҧсҭазаара далҵит 2000 шықәса ҧхынҷкәын 23 рзы, 86 шықәса дшырҭагылаз. Ашьыжьымҭан зашьа дыршьыз… Хәыхәыт иаб Салуман Еқәыҧ-иҧа Бҕажәба иҧсы шҭаз ажәлар ашәа зхырҳәааз дреиуоуп. Ишдыру еиҧш, ажәлар ус аламала аӡәгьы ашәа ихырҳәааӡом, уи азы ажәлар рыхьӡ-рыҧша ҭызго, гәадурас ишьҭырхша, изҿыҧшыша хаҵарак ихыҩроуп, фырхаҵарак ҟаиҵароуп. Баша иауиҳәах Аҧсны жәлар рпоет, академик Баграт Шьынқәба абарҭ ажәақәагьы: «Насыҧ имоуп ажәлар лыҧха зырҭаз, даҧсоуп ҳәагьы рхаҵашәа иаҧсахаз». Салуман Абҕажәба иашәа ​ Ашьыжьымҭан зашьа дыршьыз, Шьыбжьаанӡа зшьа зуз, Абҕажә Салуман. Шәақьк иҭыҵыз хык азыҳәа, Ҵлак згәы ҭрысны иавамгылоз, Салуман ахаҵа! Ҧҳәыск илыхшаз аӡә изыҳәан, Амҩахәасҭахь имҩахымҵуаз, Салуман ахаҵа! Аҭауадцәа жәлар зыргәаҟуаз, Иашьа даныршь, ибналақәаз, Уа дрыхьӡеит, ахаҵа! Ашьжьымҭанӡа иашьа дыршьит, Шьыбжьаанӡа ишьа иуит, Салуман ахаҵа! Иаҧсуа кәымжәи, ихҭарҧа рқьақьеи, Иҽыхәа иаҵәа ҽырҧа-ҽырҧо, Салуман ахаҵа! Зыҧсадгьылаҿ зашәахә камшәо, Анхаҩыжәлар рыхьӡ ҭызгаз Салуман ахаҵа! Ашьыжьымҭан зашьа дыршьыз, Шьыбжьаанӡа зшьа зуз, Абҕажә Салуман! ​ Бҕажәаа хыҧхьаӡарала Аҧсны ирацәам, урҭ раҧхьа инхон Адлер араион иахьаҵанакуаз, аха амҳаџьырра иҭанарцәит, иаанхаз нхыҵҟа ицеит. Бҕажәаа, Нхыҵ Кавказгьы иҟоуп, Бгажоков ҳәа ауп ишырдыруа. Бҕажәаа арахь иқәнагалеит шьоурак аҵыхәала, аишьцәа Шьаадаҭи Шьааби раҧхьа инанагеит Ҭхьына ақыҭа зымҽхакны инхоз аҭауад Ӡаҧшь-иҧа иаҳҭынраҿы. Уи аҭауад зажәа ҧхылдаз, кыр зылшоз, ауа-адыр, аҭахы змаз аӡә иакәын. Уи нхыҵынтәи иааз аишьцәа Бҕажәаа, Шьаадаҭи Шьааби, игәаҧхеит, дара рхаҭақәагьы рнаалашьа, рыҧшра, рсахьа, рҽы, ркәадыр, рабџьармаҭәа уҳәа иахьынеибыҭаз абарҭ ахацәа акала исзыҟандаз уҳәарын уанрыхәаҧшлак. Аҭауад Ӡаҧшь-иҧа ибзоураны, иара ицхыраарала,  аишьцәа Шьаадаҭи Шьааби анхарҭа ылырхит Тҟәарчал. Аалӡга аҧшаҳәа Аҟәарчаҧан аҳаблаҿы. Кавказ Нхыҵынтә иааз Шьаадаҭ иҧацәа дыруаӡәкуп Хәыхәыт Бҕажәба иабду Едгьы. Ари ахҭыс ҟалеит убла хызкуа Тҟәарчал ақыҭан, ашьха ашьапаҿы ишьҭоу Аџьамҧазра ҳәа захьӡу аҭыҧ аҟны. Уаҟа хҩык иҧацәа – Еқәыҧи, Қьысқьынџьи, Салумани иманы дынхон Едгьы Бӷажәба. Ари аҭаацәарахь ажәлар ирымаз апатуқәҵареи аҳаҭыри ирхырҟьаны, аҭыҧантәи аҭауад Шьмаф Ачба,  Едгьы иҧацәеи иареи цәгьахәыцрала дрыхәаҧшуа далагеит. Еиҳаракгьы, аҷкәынцәа рашьеиҳабы Еқәыҧ, уи лассы-лассы иҽырҧагьаны ихы мҩаҧигалон, дарбанзаалак аӡәы, дҭауадзаргьы, иҿаҧхьа ихы ларҟәны дгылап ҳәа игәы иҭамызт. Ус шакәызгьы, Еқәыҧи аҭауад иҧа Асҭамыр Ачбеи рхәыҷраахыс аиҩызара рыбжьан. Аҩыџьагьы рыҽқәа ирықәтәаны иахьнеилак, дара ракәын зегьы зхәаҧшуаз, убасҟак улаҧш аҿы иааиуан. Аха ҽнак азы аиҩызцәа рыбжьара ахлымӡаах ҟалоит. Абар уи ахҭыс дшахцәажәо алитератураҭҵааҩы Руслан Капба ишәҟәы «Хәыхәыт Бӷажәба» аҟны: ​ «Асҭамыри Еқәыҧи ирыӡбоит Самырзаҟан инхоз ирзааигәақәаз џьоукы сасра ирызцарц. Усҟантәи аамҭазы ас еиҧш иҟоу аныҟәарақәа – мышқәак аангыларазы ауацәа рахь сасра ҳәа ацара – аҧсуаа рҵас иалан. Аҷкәынцәа хынҳәны ианаауаз ҳаҧсы неиҭаҳкып ҳәа имҩахыҵуеит Дырҩыг Аршба иҩнаҭахьы. Аҧшәма ишихәҭоу еиҧш, пату рықәҵаны, чеиџьыкала асасцәа идикылоит, анаҩс иааилахәлон еиҧш, аҧшәма иҭабуп ҳәа наиаҳәаны, аиҩызцәа рымҩа инықәлоит. Аӡиас Аалӡга азааигәара иҟаз аџьықәреирҭа иалсны ишнеиуаз, гәашә дук инадгылеит. Аҧхьа дгылан Еқәыҧ, уи дишьҭанеиуан Асҭамыр. Агәашә аасыртып ҳәа Еқәыҧ ихы анылаирҟә, Асҭамыр аҧхьыжәҳәа итапанча аҭра иааҭыганы Еқәыҧ ихәдаџьал инадкыланы ҩынтә дхысуеит. Адауаҧшь иҩызаз ахаҵа, ажәакгьы аҳәара дахьымӡакәа иҽы днақәыҩрны, иааиртып ҳәа дызҿыз агәашә аҿаҧхьа дынкаҳуеит». Ахәымгара ҟазҵаз Асҭамыр Ачба иҽиҵәахуеит Ҷлоу инхоз иуак иҿы. Мызкы инеиҳаны аӡиас Аалӡга аҟәара зегь еимдо Еқәыҧ Бӷажәба иҧсыбаҩ иашьҭан, иагьырыҧшааит иҽы ахьҿаҳәаз азааигәара – абӷьы зқәыҧсаны аҧхасҭахара иалагахьаз иҧсыбаҩ. Ари арыцҳара аныҟала Еқәыҧ иашьцәа – Қьысқьынџьи Салумани рыҩны индәылҵны ицоит. Хара имгакәа Салуман ихы Асҭамыр Ачба ихьӡоит. Салуман иашьеиҳаб ишьа иуит. Уи аамҭазы иара 21 шықәса ракәын ихыҵуаз. Уинахыс, Бӷажәааи Ачааи ашьа рыбжьалоит… уи иагьахылҿиаауеит алахьеиқәратә хҭысқәа. Олег Хәыхәыт-иҧа Бҕажәба иажәақәа рыла, иабду акыраамҭа ашьхақәеи абнақәеи дрылан, анаҩс Сибраҟа дахган, уахь дыҟан аашықәса. Уи ашьҭахь, азин шимамызгьы, Салуман иҧсадгьыл ахь дхынҳәуеит, анхара далагоит Гәыҧ ақыҭан. Уаантәи Николаи II иахь аҳәара иҩуеит, Аҧсны анхара азин ирҭарц. Иахьа уажәраанӡагьы Бӷажәаа рҭаацәара пату ақәҵаны, уи ашәҟәы ҵәахны ирымоуп. Убас иалагеит Хәыхәыт иаб изы аҭынч ҧсҭазаара, аха ихәыҷқәа ааӡо Гәыҧ дынхонаҵгьы, Салуман есымша игәиҽанын, Ачаа ршьоура дацәшәон. Аусуреи аҿар реиҵааӡареи аамҭа Хәыхәыт Салуман-иҧа Аҟәаҟа даныхынҳә аамҭазы, аҧсуа интеллигенциа анықәырхуаз аамҭақәа ракәын, иналукааша ауаажәларратә усзуҩцәа аӡәырҩы арепрессиақәа ирықәыршәан. 1941 шықәсазы Аҟәа анхарҭа ҭыҧ иашьҭаз зарԥысра иҭагылаз Хәыхәыт идыргалоит иҵарашықәсқәа раан акыр ицхраахьаз, уи аамҭазы арепрессиа иақәдыршәахьаз Самсон Ҷанба иуаҭах аордер. Бӷажәба уи ауаҭах мап ацәикит – иламыс иауамызт иҭацәыз Ҷанба иуаҭах аҩналара. Аха уи аамҭазы идыргалаз Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла амаӡаныҟәгаҩ иҭыҧгьы мап ацәкра шәарҭан, убри азын уи амаҵура ааникылоит. Иазгәаҭатәуп, Хәыхәыт Бӷажәба, иара убасгьы, Асовет Еидгыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәылас дшыҟаз, уи зырҵабыргуаз ашәҟәы Максим Горки хаҭалатәи инапынҵа анын. 1942 шықәсазы аҵарауаҩ қәыҧш аусура далагоит Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны. Уаҟа иҽазикит абызшәадырра, иҽадцаланы иҭиҵаауан аҧсуа бызшәа иаҵоу амаӡақәа. Убасгьы алитературатә критикатә статиақәа иҩуан. Анаҩс, Аҧсуа институт аҟны абызшәеи алитературеи рыҟәша аиҳабыс дҟалоит, 1943 шықәса инаркны 1953 шықәсанӡа аҭҵаарадырратә ҟәша адиректор ихаҭыҧуаҩс дыҟан, 1953 шықәса инаркны 1966 шықәсанӡа – Аинститут дахагылан. Аҧсуареи, аҧсуа бызшәеи, амилаҭтә кадрқәа рааӡареи аҿагылара анарҭоз аамҭа хьанҭақәа рзы, Хәыхәыт Салуман-иҧеи, уи ихаҭыҧуаҩ Ақыбеи Хонелиеи ирылшоз зегь ҟарҵеит, аҧсуа ҭҵаарадырра ахаҭарнак ҿарацәа, Асовет Еидгыла иреиӷьӡоу, иреиҳаӡоу аҵариурҭақәеи аспирантурақәеи рҭаҵаразы. Усҟан изыцхырааз аҿарацәа рыҟнытә аӡәырҩы иахьазы иналукааша аҧсуа аҭҵаарадырра усзуҩцәас иҟоуп. Раҧхьаӡатәи алитературатә критик Хәыхәыт Бӷажәба иусумҭақәа рҟынтә зегьы реиҳа ихаданы иҧхьаӡоуп – «Ҳаамҭазтәи аҧсуа бызшәа иаазыркьаҿу аочеркқәа». Иара убасгьы, аҵарауаҩ иҩхьан иналукааша аҧсуа литература аусзуҩцәа рыҧсҭазаареи рырҿиаратә мҩеи ирызку амонографиақәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп – Дырмит Гәлиа, Иуа Коӷониа, Миха Лакрба, Баграт Шьынқәба уҳәа убас егьырҭгьы. Абасала, Хәыхәыт Бӷажәба Аҧсны алитературатә критика ажанр ашьаҭаркҩыс дыҧхьаӡоуп. Асахьаркыратә литература мацара акәымкәан, Бӷажәба убасгьы иҭиҵаауан афольклор, абызшәадырреи алингвистикеи рыпроблемақәа. Хәыхәыт Бӷажәба хаҭала далахәын ифундаменталтәу аусумҭақәа раҧҵара. Адоктортә диссертациа Бӷажәба ихьчоит 1969 шықәсазы. Иусумҭа темас иаман: «Аҧсуа бызшәа бзыҧтәи адиалект афонетика - морфологиатәи алексикатәи ҷыдарақәа». ​ Ахатәы ҧсҭазаара Хәыхәыт Бӷажәба иҧшәмаҧҳәыс Татиана еицырдыруаз аҧсуа ҳәынҭқарратә усзуҩ Андреи Ҷоҷуа иҧҳа лакәын. Лара занааҭла дботаникын, аҭҵаарадыррақәа ркандидатс дыҟан, Аботаникатә баҳчаҿы аус луан. Хәыхәыт Салуман-иҧеи Татиана Андреи-иҧҳаи дырхылҵит аҧа – Олег Бӷажәба. Олег ихәыҷрашықәсқәа реиҳарак иабду иҿоуп иахьихигаз, уаҟа драаӡон ианшьа иҧҳагьы – Жанна Ҷоҷуа. Аҧсны анҭыҵтәи аныҟәарақәа Хәыхәыт Бҕажәба ҵарауаҩык иаҳасабала,  Аҧсни, Қырҭтәылеи, Урыстәылеи дырдыруан, акыр (Қарҭ, Москва, Нальчик, Грозныи, Маиҟәаҧ) ақалақьқәа рҿы ицоз аҭҵаарадырратә конференциақәа, аконгрессқәа, асимпозиумқәа ихы рылаирхәуан аҧсуа бызшәеи, алитературеи, афольклори рпроблемақәа ирызкны. Убас, Москва 1960 шықәсазы имҩаҧысыз Мрагыларадырра жәларбжьаратәи XXV аконгресс далахәын, уаҟа ажәахә ҟаиҵеит «Бзыбский диалект абхазского языка и его говоры» ҳәа. Абри ажәахә хазы шәҟәынгьы Москва 1960 шықәсазы иҭнажьит «Издательство восточной литературы». Хәыхәыт Бҕажәба бызшәадырҩык иаҳасабала Асовет Еидгыла анҭыҵгьы дырдыруан, еиҳаракгьы Кавказтәи ажәларқәа рҭоурыхи рбызшәеи ҭызҵаауаз аҵарауаа. Хәыхәыт Бҕажәба аҳәаанырцәтәи аҭҵаарадырратә жәларбжьаратәи асимпозиумқәеи аконгрессқәеи рнаҩсангьы, туристк иаҳасабала дныҟәахьан Европатәи атәылақәа жәпакы рҿгьы, иаагап 1974 шықәсазы уи дыҟан ГДР, 1977 шықәсазы Румыниа, Иугославиа, 1981 шықәсазы хаҭалатәи ааҧхьарала ҩаҧхьа дыҟан Румыниа, 1982 шықәсазы – Чехословакиа. Арҭ иныҟәарақәа рҿы ҵарауаҩык иаҳасаб ала, уи дрызҿлымҳан дызҭааз атәылақәа рҭоурых, ркультура, рлитература, рыҧсҭазаара уҳәа жәпакы, насгьы ҳаҭыр ду изақәны дрыхцәажәон арҭ атәылақәа ирықәынхо, Европа иашьагәыҭу ажәларқәа адунеитәи ацивилизациа зырҿио, изырҧшӡо ишырхаҭарнакцәоу, рынхашьа-рынҵышьа, акультураҿгьы ирҿуҵааша акыр шыҟоу. Хаҭалагьы ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа иидыруазгьы ыҟан. Хәыхәыт Бҕажәба иусумҭақәа 200 инареиҳаны аҭҵаарадырратә статиақәеи, ашколқәа рзы ахатәы бызшәеи алитературеи ирызку амонографиақәа жәаҩа дравторуп. Урҭ рызкуп аҧсуа бызшәеи, алитературеи, афольклори, Аҧсны аҩыратә баҟақәа рҭоурыхи, Аҧсны атопонимикеи аетнонимикеи рызҵаарақәа. «Аурыс-аҧсуа жәар» (Аҟәа, 1964) аиқәыршәаҩцәа дыруаӡәкуп, аҭакзыҧхықәу редакторсгьы даман. Хә. Бӷажәба аҧсуа шәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи аӡәырҩы рышәҟәқәа рҭыжьразы атекстологиатә усура ду мҩаҧигеит (Д.​ Гәлиа, С.​ Ҷанба, А.​ Ҷоҷуа, И.​ Коӷониа, В.​ Агрба, А.​ Аҳашба, Н.​ Џьанашьиа, А.​ Чыкәбар, Д.​ Маан, С.​ Бжьаниа, В.​ Маан, О.​ Демерџьиҧа уҳәа). Аурысшәахь еиҭеигеит, егьыҭижьит аизга «Аҧсуа лакәқәа» (Аҟәа, 1959), ашьҭахь уи акырынтә еиҭаҭыжьын. «Аурыс-аҧсуа жәар» (1964), авторцәа рколлектив напхгаҩыс даман, авторцәа дыруаӡәкын, аредактор хадасгьы даман, иара убас «Аҧсуа литература аҭоурых аочерк» (1967), «Аҧсуа бызшәа аграмматика. Афонетикеи аморфологиеи» (1958), «Аҧсуа алитература аҭоурых» (1986). Аҧсшәахь еиҭеигеит А.​ Н.​ Толстои, И.​ А.​ Крылов ражәеинраалақәа, М.​ И.​ Лермонтов иажәеинраала «Русалка», А.​ П.​ Чехов, А.​ Исаакиан ражәабжьқәа. Азхьарҧшқәа http://apsnyteka.org/1295-bgazhba_kh_stati.html https://www.ekhokavkaza.com/a/26641207.html https://abaza.org/abk/khuykhuyt-bgazhba-zhlar-rfyrkhatsa-ipa-attsaaradyrra-auszuyuy http://spapsny.org/pisateli/bgazhba-xuxut-solomonovich http://apsnyteka.org/1433-kapba_r_khukhut_bgazhba_na_abkh_jazyke_2005.html https://online-knigi.com/page/634960https://abaza.tv/news/?ID=1103 http://apsnyteka.org/1295-bgazhba_kh_stati.html#3 Алитература Руслан Қапба. Хәыхәыт Бӷажәба. Аҟәа – «Алашара» – 2005
37269
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%93%D0%A2%D0%A0%D0%9A%20%28%D0%90%D4%A5%D1%81%D0%BD%D1%8B%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D2%B3%D3%99%D1%8B%D0%BD%D2%AD%D0%BA%D0%B0%D1%80%D1%80%D0%B0%D1%82%D3%99%20%D1%82%D0%B5%D0%BB%D0%B5%D1%80%D0%B0%D0%B4%D0%B8%D0%BE%D0%B5%D0%B8%D0%BB%D0%B0%D1%85%D3%99%D1%8B%D1%80%D0%B0%29
АГТРК (Аԥснытәи аҳәынҭкарратә телерадиоеилахәыра)
Аԥснытәи аҳәынҭкарратә телерадиоеилахәыра - Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыроуп. Егьырҭ ателехәаԥшратә каналқәа шцәырҵхьоугьы, иахьа уажәраанӡа зеиԥшмилаҭтә телехәаԥшраны иҟоуп, ҳтәыла ахи-аҵыхәеи зегьынџьара инаӡоит. 1996 ш. инаркны аус зуаз,  анаҩс иаркыз Аҟәатәи ақалақьтә администрациа ателеканал "Сухум ТВ", ахатәы каналқәа  ҩба - "Абаза ТВ"-и, 2008 ш. иаԥҵаз "Канал-8"-еи, Аҟәа ақалақьи уи ааигәа-сигәеи рымацара акәын иахьыднарбоз. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы  Аԥсуа телерадиоеилахәыра ашьыжь асааҭ 8 инаркны аҵх агәанынӡа аефирахь иҭыҵуеит. 2003 ш. рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра ианашьан  "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара  Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылареи Аԥсны жәлар рмилаҭтә интересқәа рыхьчара аус аҟны алагаламҭа ду азы. Аԥснытәи таелехәаԥшра аԥҵара аҭоурых Аԥснытәи ателехәаԥшра аԥҵара шьаҭас иаиуит 1977-1978 шш. рзы атәылаҟны имҩаԥысуаз аполитикатә хҭысқәа.  Усҟан, еицырдыруаз аԥсуа уаажәларратә усзуҩцәа гәыԥҩык атәыла анапхгарахь ашәҟәы рҩит Қырҭтәыла анапхгара имҩаԥырго аԥсуа жәлар ақырҭуа етнокультура алаӡҩара хықәкыс измаз аполитика ишаҿагыло атәы арбаны. Қырҭтәыла Ацентр Комитет  Акоммунисттә партиа адҵала апартиа аобком Апленум ашәҟәаҿы иарбаз афактқәа ирықәшаҳаҭымхеит, авторцәа ракәзар, ирықәыӡбеит. Автономтә Республика ашьагәыҭ уааԥсыра апленум аӡбамҭа ажәлар рзинқәа ирыӷрагылеит, амилаҭтә хақәиҭра азықәԥареи ахьыԥшымреи  рымҩа ԥнакит ҳәа азырыԥхьаӡеит. Аԥсны аҭыԥ ылырхуа иалагеит амитингқәеи адемонстрациақәеи. Усҟантәи ашықәсқәа  рзы иҟаз аполитикатә ԥышәа инақәыршәаны, аиҳабыра иџьбараз ауаажәларратә цәырҵрақәа рыбжьы ақәмыргакәа, амилаҭқәа рыбжьара иҟаз аиҿагыларақәа аиҿкааратәи аекономикатәи зҵаарақәа рхы иархәаны рҭышәныртәалара рҽазыршәон. Атәылаҿы аҭыԥ змаз массала ақәгыларақәа еиҵахо иалагеит ЦК КПСС, СССР Аминистрцәа Реилазаара, ВЦСПС "Аԥснытәи АССР акультуреи аекономикеи аԥхьаҟатәи рыҿиара иазку ауснагӡатәқәа рзы" Ақәҵара  анрыдыркыла анаҩс, ара ателехәаԥшразгьы иаҳәон абас: "Ателехәаԥшреи арадиои рзы СССР Аминистрцәа Реилазаара аҳәынҭқарратә комитет, Аимадаразы ахархәагақәа рзы Ааглыхра аминистрреи, СССР Аимадара аминистрреи ирыдҵоуп  Аԥснытәи АССР аҟны ателехәаԥшратә дырраҭарақәа реиҿкаара алыршара, уи азы:  хымз ирылагӡаны иазалхзарц еиҭаҵуа ателехәаԥшратә станциа, иара убас иахәҭоу амыругақәеи аппаратуреи ателехәаԥшратә дырраҭарақәа рымҩаԥгаразы аамҭатә схема инақәыршәаны, 1978 ш. рзы астационартә телехәаԥшратә станциазы ирыҭазааит амыругақәеи аппаратуреи» ҳәа. Абри Ақәҵара ала ихацыркын Аԥсуа телехәаԥшра аҭоурых, абас иагханы аусурагьы иалагеит ахәаԥшыҩцәа рхатәы бызшәала рацәажәара. Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьатәи адырраҭара аефир ахь иҭыҵит 1078 ш. абҵарамза 6 рзы. Асааҭ 19:00 рзы ателехәаԥшра аекран аҟны ицәырҵит ареспублика аҳҭнықалақь асахьа.  "Убри аҽны Аҟәа, Лыхны, Ешыра, Кәтол, Тҟәарчал, Бзыԥ, Гагра, Пицунда, Аԥсны ахы-аҵыхәа зегьынџьара аекран аҟынтә раԥхьаӡакәны еицырдыруа жәлар рашәақәа рылаҩит, анаҩс урҭ адырраҭарақәа ирдырганы иҟалеит, убасҟан ателехәаԥшцәа аԥсышәалагьы ирацәажәеит абарҭ ажәақәа рыла: "Хәлыбзиақәа, акыр иаԥсоу Аԥсуа телехәаԥшцәа!". Уи ауха сааҭки бжаки ицоз апрограмма хыркәшан аконцерт ала, иалахәын ареспублика ашәаҳәарратә коллективқәа. Аԥсуа телехәаԥшра аиреи  ашьақәгылареи рыҟны еиуеиԥшым аамҭақәа алукаар ҟалоит. Раԥхьатәи аамҭа - аиҿкааратә. 1978 ш. рашәармза инаркны 1978 ш. абҵарамза 6 нӡа -  - аицлабратә ҟазшьала арҿиаратәи анџьныр-техникатә еилазаареи алхразы аҽазыҟаҵара, уи имҩаԥысит 1978 ш. ԥхынгәымза 7 рзы, иара убас раԥхьатәи адырраҭара аус адулара. Убри аамҭазы имҩаԥысуан ателехәаԥшреи, арадиои, акьыԥхьи русура еиқәыршәаны аиҿкаара, Амассатә информациатә хархәагақәа рсистема ашьақәыргылара, ателехәаԥшрагьы уи иалаҵаны. Аҩбатәи ахәҭа - 1978ш. анҵәамҭа инаркны мшаԥымза 1985 ш.-нӡа ицон  амчра змаз, анырра ҟазҵоз амассатә информациа ахархәагақәа раҳасабала аԥсуа тележурналистика ашьақәгылара апроцесс. Иарбаз аамҭазы ателехәаԥшра хықәкыс иаман ауаажәларратә процессқәа рырҿыхара, агәҭакқәа инарықәыршәаны рышьақәыргылара. Ахԥатәи ахәҭа алагамҭа 1985 ш. азбжа иақәшәеит.  Уи аиҿкааратәи апрограмматәи усурақәа рырҿыцра апроцесс иазкын, иара убас ателехәаԥшцәеи иареи реимадара арӷәӷәаразы  аформа ҿыцқәеи аметодқәеи рыԥшаара. Анаҩс, 1989 ш. инаркны  Аԥсны амилаҭтәи аполитикатәи ҟазшьақәа змаз аидысларақәа мҩаԥысуа ианалага, ателепублицистика ахаҭабзиара аҽаԥсахит. Иҟаз ацәырҵра ҿыцқәа, аҭагылазаашьақәа аԥхьа ашьҭра аҽазнашәо иалагеит. Ауаажәларра  ихадароу апроблемақәа ирызхьарԥшуа, иҟаз афактқәа рхархәарала ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инақәыршәаны оперативла ауаажәларра ргәаанагара ашьақәгылареи еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рыҟны иақәнагоу азыӡбақәа рыдкылареи  иацхраауеит. Ари аиҭакрақәа анымҩаԥысуаз аамҭазы, ахҳәааҟаҵаҩ, арепортиор ихаҭара аԥхьагылара анамаз, рхатә гәаанагара ахьырҳәоз машәырла иҟалаз акы акәӡам. Ас еиԥш иҟаз адырраҭарақәа цәырҵуан  аефир аамҭаа амҽхак ахьыҭбаахаз иабзоураны.  Иара убас уи аҽаԥсахуан, тематикалеи жанрлеи еиуеиԥшымызт, актуалра аман, аласра ацын.  Адиктор дзыԥхьоз ажәабжьқәа акиносиужетқәа рыла ихаҭәаан (азгәаҭа, аҳасабырба, арепортаж), афотоинформациа, ақәгыларақәа, аиҿцәажәара, ахҳәааҟаҵара. Ателехәаԥшра аҽазнашәон авидеоматериалқәа рацәаны реидкылара, уи еснагь изалмыршахозаргьы иахәҭаз атехникатә еиқәыршәара ахьыҟамыз иахҟьаны. Абас, маҷ-маҷ аинформациатә ҭыжьымҭа ашьақәгылашьа аҽеиҿнакаауан,  уи аҩныҵҟа иҟан: 1) атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара иазкыз ажәабжьқәа; 2) аекономика ажәабжьқәа; 3) аҳәаанырцә имҩаԥысуаз ахҭысқәа ирызкны аинформациатә маҵзурақәа иаарышьҭуаз ажәабжьқәа ҿырҳәалатәи ахҳәаа ацҵаны; 4) акультура ажәабжьқәа; 5) аспорттә жәабжьқәа; 6) аҳауа зеиԥшрахо. Аԥсуа телехәаԥшра аԥышәа ианыԥшуеит аоперативтә информациа аусхк аҟны егьырҭ, ареспублика амассатә информациа ахархәагақәа аџьабаа шрыцеиҩнашо, ажурналистика азеиԥш система аҳәаақәа ирҭагӡаны акьыԥхьи арадиои рааигәа иҟоуп, еснагь еицуп. 80-тәи ашықәсқәа рзы аԥсуа студиа аҳәаанырцәтәи ателарадиоеилахәырақәеи иареи арҿиаратә еимадара рыбжьанаҵоит. Атәыла аԥсҭазаара аусуратә ныҟәаразы арахь иаауаз аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа рыла иӡыргазтгьы, 1982 ш. мшаԥымзазы раԥхьаӡа акәны еиҿкаан азеиԥштә дырраҭара - ателецҳа "Лыхны- Токио" агеронтологиа апроблема иазкны. Уи дырбан ателееилахәыра «Асахи» «Иапониатәи ажәабжь дуқәа» рыҟны. 1986 ш. рзы аҭыхратә гәыԥ атәыла аделегациа аилазаараҟны иҟан ГДР "Аԥсны акультура амшқәа" аназгәарҭоз. Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ақәҵарала 1991 ш. цәыббрамза 10 рзы Аԥснытәи АССР ателехәаԥшреи арадиои рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахьӡ ԥсахын Аԥснытәи аәынҭқарратә телерадиоеилахәыра ҳәа.