content
stringlengths
209
722k
warc-target-uri
stringlengths
13
1.95k
warc-date
stringlengths
20
20
warc-record-id
stringlengths
47
47
quality-warnings
sequencelengths
0
5
categories
sequencelengths
0
4
identification-language
stringclasses
64 values
identification-prob
float64
0.27
1
identification-consistency
float64
0.6
1
script-percentage
float64
0.9
1
num-sents
int64
1
4.28k
content-length
int64
225
1.03M
tlsh
stringlengths
145
145
Аоперативтә информациа анагӡараан жәабран 25 апатрультә пост «Ешыра» аҟы АҲЕ аусзуҩцәа игәарҭаз BMW X1 амашьына аидараҭыԥаҿы ирыԥшааит AvalonMiner 1066 pro 55 Тх/с амодель иаҵнакуа амаинг азы аппаратқә 5. Амашьына аԥсҟы икын Аԥны атәылауаҩ Пицулин. Аппаратқәа имырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп. Амаининг азы аппаратқәа 11 рыԥшааит амилициа агәаҭаратә пункт «Мысра» аҟны Аоперативтә информациа анагӡараан жәабран 25 АҲЕ аусзуҩцәа амилициа агәаҭаратә пункт «Мысра» аҟны игәарҭаз Toyota Mark X амашьына аидараҭыԥаҿы иаадырԥшит акриптовалиута арҳаразы аппартқәа 11. Амашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Кәаранӡиа. Аппаратқәа имырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп. Аҟәа иҟаз акриптоферма аадырԥшит АҲЕ аусзуҩцәа АҲЕ аоперативтә ҟәшақәа рмаҵзурауааи, Аԥны Ашәарҭадаратә Маҵзуреи Аҳәынҭстандарти русзуҩцәеи иаадырԥшит аус зуаз Whatsminer M30S+ амодель иаҵанакуа аӡтәы рхьшәагақәа рыла еиқәыршәо акриптоԥара арҳаразы аппаратқәа 39. Акриптоферма Аҟәа Адыгаа рымҩа, 9 иҟо ашьҭаҵарҭа ҭыԥ иаҵанакуа атехникатә хыбрақәа руак иҭаҵәахын. Еилкааз аинформациа ала, аппаратқәа Урыстәыла атәылауаҩ Евдокимов итәуп. Дара инырхо афымцамччхара 117 киловатт-сааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аппаратқәа имырхит. Азинеилагаразы […] Аԥснытәи акцизтә дыргақәа зқәмыз аҭаҭын аалыҵ рымыхрит Аҟәа Аоперативтә-профилактикатә усурақәа рымҩаԥгараан Аҟәа ақалақь аҿы АҲЕ амаҵзурауаа иаадрыԥшит Аԥснытәи акцизтә дыргақә змамыз 3 240 цыра асигаретқәеи 1 580 цыра астикқәеи. Аҭаҭын аалыҵ рыԥшааит ИП Аҩардан итәу ахәаахәҭратә обиект аҟны. Асиагертқәеи астикқәеи рымыхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп. 4 000 цыра аҭаҭын аалыҵ аадырԥшит агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аусзуҩцәа Аԥсны атәылауаҩ Шамба зыԥсҟы икыз Toyota амашьына агәаҭараан жәабран 15 АҲЕ амаҵзуруаа иаадырԥшит закәаншьаҭада аҳәаа ииагаз 4 000 цыра аҭаҭын аалыҵ. Асигаретқәа имырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа Аҳазалхратә Еилакы аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп. Аԥснытәи акцизтә дыргақәа змамыз аҭаҭын аалыҵ рыԥшааит Гәдоуҭа Аоперативтә-ԥшааратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан АҲЕ аусзуҩцәа Гәдоуҭатәи аџьармыкьаҿы иаадырԥшит Аԥснытәи акцизтә дыргақәа зқәымыз 4 860 цыра аҭаҭын аалыҵ. Атауар рҭиуан «Asorti Табак» захьӡу ахәаахәҭратә обиект аҿы. Аҭаҭын аалыҵ рымхуп. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп. Аԥснытәи акцизтә дыргақәа змамыз аҭаҭын аалыҵ аадырԥшит Гәдоуҭа Аҳәынҭқарратә Ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа Гәдоуҭатәи аџьармыкьаҿы ирыԥшааит Аԥснытәи акцизтә дыргақәа зқәымыз 4 600 цыра аҭаҭын аалыҵ. Аҭаҭыни астикқәеи рҭиуан Аԥсны атәылауаҩ Аиба итәу ахәаахәҭратә обиект аҿы. Атауар рымхуп. Азинеилагаразы аматериалқәа зегьы АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп. Амаининг ферма аадырԥшит Аҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа Аҟәа араион аҿы Аԥны Аҳазалхратә Еилакы амаҵзурауааи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи русзуҩцәеи Иашҭхәа ақыҭан ирыԥшааит аус зуаз акриптовалиута алхразы аппаратқә 63. Аферма ааглыхратә зона аҵәахырҭа иахьаҵанакуаз аҭыԥ аҿы иҟан. Еилкааз аинформациа ала, уи аԥшәымас дыҟоуп иарбоу ахыбра қьырала иаанкыланы измоу Аԥсны атәылауаҩ Смыр. Аппаратқәа Аԥсны Аҳәынҭстандарт иаҭоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы 2023 аплан нагӡахеит 129% рыла 2023 шықәсазы Аԥсны адәныҟахәаахәҭратә еикәыршара 49 002,7 миллиард мааҭ рҟынӡа инаӡеит. 2022 шықәсазтәи арбагақәа иаҿурԥшуазар, аицҵалыҵ 23% , мамзаргьы 9,072 миллиард рыла иазҳаит. Аимпорт 41 692,8 миллиард мааҭ рҟынӡа инаӡеит, аекспорт – 7 309,9 миллиард мааҭ рҟынӡа. Ҵыԥхтәи ашықәс аҩныҵҟа иҟаҵаз аҳазалхратә шәатәқәа 3 672,7 миллиард мааҭ итәеит. Убас, иазԥхьагәаҭаз арбага – уи 2 847,1 […] Апсихотроптә маҭәашьарқәа аҳәаа аиагара аԥырҟәҟәаит Аԥсны АҲЕ, Аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа, Цандрыԥшьтәи амилициа аҟәша русзуҩцәа Аоперативтә-ԥшааратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан жәабран 2 агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны Аҳазалхратә Еилакы амаҵзурауааи, Аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәеи, иара убас Цандрыԥшьтәи амилициа аусзуҩцәеи Volvo амашьына ааныркылеит. Уи аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Шаматаа. Ахаҵа ихала амашьына асалон иҭигеит апсихотроптә маҭәашьарқәа жәа-ҭоԥк. Урҭ рахьтә ԥшьба «Габапентин Канон» ҳәа ирзанын, фба – «Лирика». Аԥсны АҩАР аҭцаара-акриминалисттә центр иҟанаҵаза […]
https://customsra.com/ab/category/azh-abzh-a/
2024-03-01T16:26:18Z
<urn:uuid:1443109e-28f9-47f9-8a13-6d1fd74dc2fa>
[]
[]
abk-Cyrl
0.99
1
0.98
19
7,971
tlsh:T110C18EF19844CF8BC8B7C0589DC198359CC26C479376B330CED5B1B5614209EEFFCE43EAEA9C1A8AA4DF1571C6516F25A90AECD9247D2EE7318300D06E6F38DD269173929E
Румынтәылa имҩaҧысуaз 23 шықәсaнӡa зхыҵуa aҿaр рыгәҭa Европa aчемпионaт aҿы Жәыргьыҭтәи aштaнгист aџьaзтә медaл иоуит. +109 кьылa aкaпaнтә кaтегориaҿы еицлaбуaз Гьaргь Чхеиӡе 177/182 кьылa шьҭыхны, 4-тәи aҭыҧ aaникылеит. Иaҵaсны aшьҭыхрaҿы 222/226/228 кьылa шьҭихын, aџьaзтә медaл иоуит. Абри aҩызaҵәҟьa aлҵшәa имaн ҩхкык рылa aицлaбрaҿы, иaрa инеизaкны 410 кьылa шьҭихын, aҩбaтәи aџьaзтә медaл игеит. Ҧыхьa Гьaргь Чхеиӡе Европa aчемпион итутулгьы иоухьaн. Зыӡбaхәы ҳәоу aицлaбрaқәa рҿы иaб иaшьaиҧa Гогa Чхеиӡе aрaӡнытә медaлки aџьaзтә 2 медaлки иоуит. Ари aмaтериaлқәa 09:58 / 24.10.2021 Наҭиа Гаделиа - Адунеи ачемпионс дҟалеит [афото] Аспорт Мышқәак раҧхьа, аштангист ӡҕаб Наҭиа Гаделиа Саудтәи Аравиа имҩаҧысуаз адунеи ачемпионат аҟынтә илызгәакьоу жәыргьыҭтәи ақыҭа Риҟеҟа дхынҳәит адунеи ачемпион атитул ала. Лшьамхаҿы атравма шлымазгьы, Наҭиа лхықәкы налыгӡеит. Аспортсмен ӡҕаб лазыҟаҵаҩгьы лызгәыбылцәагьы агәырҕьара ду рзаалгеит. Қырҭтәылеи Европеи рчемпион адунеи ачемпионат аҿы 17 шықәсанӡа зхыҵуа аспортсменцәа рыгәҭа қәҿиарала дықәгылеит - ашьҭқәыцәаараҿы 85/88/91 кьылала араӡнытә медал лгеит. Ирҭрысны ашьҭыхраҿы 108/113/117 кьыла шьҭыхны, ахьтәы медал лгеит. Ҩ-хкык рыла аицлабраҿгьы 208 кьыла шьҭыхны, ахьтәы медал лган, адунеи ачемпионат аҿы Қырҭтәыла хьыӡрашәа дырҳәаратәы иҟалҵеит. Убри адагьы, аштангист ӡҕаб ашьҭқәыцәаареи ҩ-хкык рыла аицлабреи рҿы 4 – 4 кьыла рыла Қырҭтәыла арекорд еиҕьалтәит. Ишылҳәо ала, аиааира ашьҭахь, лара илзымдыуаз ауаа рҟынтәи илоуз абзиареи ажәа хаақәеигәызҭаҵагас илзыҟалан, иаҳа еиҕьны аҽазыҟаҵара далагоит. Аспортсмен ӡҕаб ишылҳәаз ала, уажәазы лара лзы аҵакы хада амоуп 2022 шықәсазы ибзианы аҽазыҟаҵара, избанзар ҳаҧхьаҟа имаҷымкәа жәларбжьаратәи атурнирқәа лзыҧшуп. „Зеиҧшҟамлац ала амотивациа ду сымоуп. Арҭ ауаа еснагь агәахәара рзаагара сҽазыскуеит“, - илҳәеит Наҭиа. Лара зегьы раасҭа бзиа илбо ақәыҧшылараҿы, Риҟетәи аспорттә зал аҿы есымша лҽазыҟалҵоит, лазыҟаҵаҩ хада Бежан Ҷиҷинаӡе илиҭо адҵақәа зегьы ишахәҭоу ала иналыгӡар лҭахуп. „Абри азал аҟынтәи ауп зегьы шалагаз, сазыҟаҵаҩ Бежан Ҷиҷинаӡе ибзоурала. Аброуп раҧхьатәи ашьаҿақәа ахьыҟасҵаз, анеҩс, амилаҭтә аизгашҟа сыргеит, аха, зегьы иреиҕьу сцәаныррақәа абри азал иадҳәалоуп. Абрахь санаауа, еснагь гәыкала сгәырҕьоит, исылшо зегьы ҟасҵар сҭахуп“, - иҳалҳәеит Наҭиа Гаделиа. Лара адунеи ачемпионс дҟалеит жьҭаара 11 рзы, Баҭым иҟалаз арыцҳара амшала Қырҭтәыла алахьеиқәҵаратә мшы анрылаҳәаз. Наҭиа абри арыцҳара даараӡа лгәы иалсит, лиааира иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа ирзылкит. Риҟетәи аштангатә школ аҵаҩцәа рҟынтәи лара лымацара лакәӡам Саудтәи Аравиа имҩаҧысуаз ачемпионат аҿы ақәҿиара зауз. Аштангист Гурам Векуа араӡнытә 3 медалк игеит, Николоз Асарҭиа аџьазтә медалки араӡнытә 2 медалки игеит. Дара авице-чемпионцәаны иҟалеит. Азыҟаҵаҩ хада Бежан Ҷиҷинаӡе иҵаҩцәа ироуз алҵшәақәа игәаҧхоит. Иара иҵаҩцәа абри аҩыза ақәҿиарақәа ахьроуз уамашәа имбеит, избанзар, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аицлабрақәа рҟынтә амедалқәа рыда ихнымҳәыцт. Аспортсменцәа апандемиагьы рҧырхагамхеит, избанзар дара еиҧҟьарада рҽазыҟарҵоит, аицлабрақәа рахь рҽазыҟаҵаны ицеит. Бежан Ҷиҷинаӡе иҳәамҭала, аспортсмен иахәҭоу аҧҟарақәа наигӡалар, игәахәтәы анагӡаразы ихы дамеигӡакәа аус иур, хымҧада ақәҿиара иоуеит. „Аспорт ахатә ҧҟарақәа амоуп, урҭ еилаугар, ухықәкы узынагӡом. Абри аус аҿы адисциплина ауп ихадоу. Зегьы рыла уеиҿказаароуп - аҽазыҟаҵара аангьы адәахьгьы“, - иҳәеит азыҟаҵаҩ хада. Иара ирхыргахьоу ауадаҩрақәа игәалаиршәеит, Наҭаиа, аспортсмен ӡҕаб лаҳасабала, абри зегьы ҷыдала илцәыуадаҩын. Наҭиа лыкәша-мыкәша иҟоу ауаа реиҳара аштанга аҧҳәыс илусым, даҽа хырхарҭак ала лхы лҧышәароуп ҳәа ирыҧхьаӡон. „Наҭиа имаҷымкәа ауадаҩрақәа дырхысит. Амҩан илҧылозгьы еснагь иларҳәон, Наҭиа абри аспорт баҭәаҳшьом, иалабхузеи ҳәа. Сара еснагь иласҳәон, абри аус аҿы бманшәалахоит ҳәа. Избанзар лара лхаҭа ари аспорт алылхит, ибҭаху ибҭахыму абри аспорт балалароуп ҳәа аӡәгьы илеимҳәеит. Лара лхала дааины, аҽазыҟаҵара далагеит. Саргьы акыр слыцхраан, адунеи ачемпионс дҟалеит“, - иҳаиҳәеит Бежан Ҷиҷинаӡе. Риҟетәи ашкол аштангистцәа рықәҿиарақәа егьырҭ аҿарацәагьы гәызҭаҵагас ирзыҟалеит, аспорт абри ахкы ашҟа есышықәса азҿлымҳара азҳауеит. Уажәазы аспортшкол иҭоуп 40ҩык аҵаҩцәа. Риҟе мацара акәымкәа, егьырҭ ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҟынтәгьы абрахь иааны рҽазыҟарҵоит. Азыҟаҵаҩ ишиҳәаз ала, апандемиа амшала агәыҧқәа еиҟәыршеит, есымша 3-4 етапла рҽазыҟарҵоит. Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла, ҳаҧхьаҟа ашкол иаҳа идуу азал аҭаххоит. Адунеи ачемпион Наҭиа Гаделиа аштанга знапы азыркыр зҭаху ақьыҭаӡҕабцәа рзы дҿырҧшыгахеит. Наҭиа дналываргыланы, даҽа ӡҕабкгьы ашкол дҭалоит, аха адунеи ачемпион ишылҳәаз ала, хара имгакәа иаҳа ирацәаны аӡҕабцәа абри аус рҽазыркуеит. 17:31 / 05.02.2020 Аҳәса рспорт акәӡам ҳәа аҳәара иаҿын, сара маӡала азыҟаҵарашҟа сцон - амилаҭтә аизга иалоу Хобитәи аӡҕаб Аспорт 19 шықәсанӡа зхыҵуа Қырҭтәыла аҳәса реизга Европа ачемпионат азы аҽазыҟаҵара иаҿуп, 18:01 / 29.01.2020 Европаҿы аҧхьахәқәа згаз жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа [афото] Аспорт Автор: Нино Ҭолораиа Ҭаҭиеи, Ҭамари, Еленеи Европа аҿартә чемпионат аҿы аҧхьахәтә ҭыҧқәа ааныркылеит. Жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа рыхҩыкгьы рспорттә 10:02 / 04.11.2019 Абашатәи аӡиудоистӡҕаб Европа ачемпионс дҟалеит Аспорт Урыстәылатәи ақалақьт Ижевск имҩаҧысуаз 23 шықәсанӡа зхыҵуа рыбжьара аӡиудо Архив Аспорт Акоронавирус Апопулиaртә Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Асоветтә репрессиақәа Ажәaбжь ҿыцқәa 11:02 / 23 Нaнҳәa Иракли Ҕарибашвили Ҟрымтәи аплатформа алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, 11:15 / 12 Нaнҳәa Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, хымчыбжь аҿҳәарала аҧкрақәак шьақәгылазаауеит Қырҭтәылагьы, адунеи аҿгьы аепидемиологиатә 12:48 / 08 Жьҭaaрa USAID-Қырҭтәыла Аҧсны иарҭеит акоронавирус аҽыхьчаратә тестқәеи адиагностикатә хархәагақәеи USAID/Қырҭтәыла Аҧсны иҟоу ахәышәтәырҭақәеи 12:44 / 08 Жьҭaaрa Чхороҵҟутәи арҵаҩы амилаҭтә ҳамҭа лоуит 2020 шықәсазы арҵаҩы имилаҭтә ҳамҭа лоуит Амультимедиa „Чеми морду“ - зықәрахь инеихьоу ауааҧсыра рзы арегион аҿы иаадыртыз раҧхьатәи ацентр аус ишауа [афото] Ахәмарраҿы зегьы раасҭа сманшәалоуп, еснагь аиааира згоит, - Ашколахь асабрадала - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит [афото] Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа, Аҭынчраҿ амузыка абжьы ахьуаҳауа „Афольклор аҩны“ [афото] Знык адамхаргьы, Жәыргьыҭ Ҭамар Авакцинациа автобус аҿы [афото] Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо „Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы [афото] 74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала Акультурa Аинтерес аҵаҵаны акарантин мҩаҧызго жәыргьыҭтәи амузыкант [афото] Covid-19 аҿагылара инамаданы имҩаҧгаз адунеитә концерт аҿы еицциз ақырҭуа аиаҳәшьцәа ашәа рҳәеит [авидео] Аҩычагаҿы иаарҧшу ашәануатә бзиабара аҭоурых [афото] Аспорт Наҭиа Гаделиа - Адунеи ачемпионс дҟалеит [афото] Аҳәса рспорт акәӡам ҳәа аҳәара иаҿын, сара маӡала азыҟаҵарашҟа сцон - амилаҭтә аизга иалоу Хобитәи аӡҕаб Европаҿы аҧхьахәқәа згаз жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа [афото] Абашатәи аӡиудоистӡҕаб Европа ачемпионс дҟалеит Жәыргьыҭтәи aштaнгист Европa aчемпионaт aҿы aџьaзтә медaл иоуит Хобтәи aқәҧaҩ aдунеи чемпионс дҟaлеит Аилыркaaрa Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Иааиуа амшқәа рзы иаҳа ирацәаны ахәыҷқәа ашәыхәтәырҭа рҭаххар ҟалап, уи еиҧш ашәарҭара иҟоуп - Иуане Чхаиӡе
https://www.livepress.ge/ap/2019-05-11-09-20-28/article/30917-------a--a---a-a-a-a-a-a--a--.html
2024-02-21T02:26:05Z
<urn:uuid:baa2b71d-fe88-4121-9b96-0434cc269d4e>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.9
0.98
61
13,463
tlsh:T167F08A529844CF0FCAB7C499CA918A362CC1594743227661CDD9F0B55645068EBFCD23E9F9EC064F74DB1622D222FB106A09FCEA297DBEE7604340556D3F34DE2AA836D1AE
Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы болгариатәи иколлега иҟынтә иоуз аофициалтә адныҳәалараҿы ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәылаҟны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа Болгариатәи ареспубликазы аҵакы ду рымоуп. „Аболгар жәлари ҳаҭала сареи ҳахьӡала ишәыдысныҳәалоит лаҵара 26 – Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш. Иахьа исымоу алшара схы иархәаны, даҽазнык ишьақәсырҕәҕәар сҭахуп Болгариатәи ареспублика ҳпартниортә еизыҟазашьақәеи иаҳзеиҧшу аинтересқәа ирыҵанакәа аусхкқәа зегьы рҿы аусеицуреи иаҳа арҭбаара шаҭаху. Қырҭтәылаҟны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа Болгариатәи ареспубликазы аҵакы ду рымоуп. Абри аганахьала, даҽазнык ишьақәсырҕәҕәар сҭахуп Болгариа аиҳабыра шәтәыла европатәи евроатлантикатәи хықәкқәа рынагӡаразы шәара шәҟны аусеицура ишазыхиоу. Агәабзиареи аҭак зыҧхықәу шәусураҿы ақәҿиарақәеи шәзеиҕьасшьоит“, – иануп Кирил Петков ишәҟәы аҟны. АУААЖӘЛАРРА Қырҭтәылa aхьыҧшымрa aмш 1 Еиҧшу Џьо Баиден - Қырҭтәыла евроатлантикатә қәыҧшылара алаларазы ҳадгылоуп, Америка наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит Никол Ҧашиниан, Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы, Саломе Зурабишвилии Иракли Ҕарибашвилии адныҳәаларатә шәҟәқәа рзишьҭит Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш адунеи зехьынџьара еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа рыла азгәарҭоит Аиҳабыра радминистрациа – Сынтәа лаҵара 26 девизс иамоуп „Ахақәиҭра абзиабрала“, аҳҭнықалақьаҿ, иара убас, Қырҭтәыла зехьынџьара амилаҭтә символика цәырхагоит Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш азгәаҭаразы аҽазыҟаҵараан, иара убас, лаҵара 26 рзы аҳҭнықалақьаҿ атранспорт аиҭаҵразы аҧкрақәа ҟалоит Илиа Аҩбатәи - Иахьаҵәҟьа, заанаҵы, Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш шәыдысныҳәалар сҭахуп Вашингтон ахада лыӡбарала, лаҵара 26 Америка аҳҭнықалақь аҿы Қырҭтәыла Ахьыҧшымра мшны ирылаҳәоуп Аиҩызаратә тәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистррақәа Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш адырныҳәалеит Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш [афото] Украина Ауаажәларратә дырраҭара анапхгаҩы Николаи Чернотицки Ҭинаҭин Берӡенишвили Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш лыдиныҳәалеит - Ҳанеицу ҳаҕәҕәоуп, ҳаидгылоуп, аиааира еицаагоит Амш зеиҧшрахо 4° ашә Қaрҭ ашә 3° аҩ 5° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Санкт-Петербург ҩнык адрон ақәҳаит Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ашәышықәсарацәалатә культуреи амилаҭтә принципқәеи змоу аконсервативтә жәлар ҳауп, уи ииашаны еилкаатәуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/bolgaria-aphmza-ministr-kiril-petkov-irakli-gharibashvili-qmr%D2%ADtmla-ax%D1%8Cmphshmmra-amsh-idinmhaleit/
2024-03-03T21:49:19Z
<urn:uuid:929c322c-1baf-47bd-b507-12177cdb4704>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
0.6
0.99
30
4,969
null
Павел Герчински – Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазку абжьагара аҭоурыхтә ҵакы амоуп, шәхадаратә зинқәа рыхьчараҿы Евроеидгыла шақәгәыҕыр шәылшоит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Павел Герчински – Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазку абжьагара аҭоурыхтә ҵакы амоу... Иҵегь аҭагалара Павел Герчински – Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазку абжьагара аҭоурыхтә ҵакы амоуп, шәхадаратә зинқәа рыхьчараҿы Евроеидгыла шақәгәыҕыр шәылшоит 11:17, 10.12.2023 «Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазку абжьагара аҭоурыхтә ҵакы амоуп, ари абжьагарала иазҧхьагәаҭоуп ауаҩы изинқәа рыхьчара аиҕьтәразы аҭакҧхықәра. Шәхадаратә зинқәа рыхьчараҿы Евроеидгыла шақәгәыҕыр шәылшоит», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински Ауаҩытәыҩса изинқәа рымш инамаданы иҟаиҵаз ааҧхьараҿы. «Иахьа ҳара Ауаҩытәыҩса изинқәа зегьирзеиҧшу адекларациа адкылара инаркны 75 шықәса аҵра азгәаҳҭоит. 1948 шықәсазы абри адекларациа анрыдыркыла ашьҭахь адунеи аҽаҧсахит. Иахьа адунеиаҿ ахҭыс цәгьақәа анымҩаҧысуа аамҭазы, ҳара, ҳаидгыланы абарҭ азинқәа ҳахьчароуп. Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара Евроеидгылазы ахадаратә принципуп. Ари апринцип ақәныҟәара Евроеидгыла арҭбаара апроцесс иаҵанакуеит, уи Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла инанагӡараны иҟоу жә-шьаҿак иреиуп. Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазку абжьагара аҭоурыхтә ҵакы амоуп, ари абжьагарала иазҧхьагәаҭоуп ауаҩы изинқәа рыхьчара аиҕьтәразы аҭакҧхықәра. Шәхадаратә зинқәа рыхьчараҿы Евроеидгыла шақәгәыҕыр шәылшоит. Ауаҩытәыҩса изинқәа рымш шәыдысныҳәалоит! Даараӡа иҭабуп», — иануп Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иааҧхьараҿы. АПОЛИТИКА Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински 6 Еиҧшу Павел Герчински – Европатәи ахеилак аӡбаранӡа мышқәак ҳзаанхеит, ари аӡбара абзоурала, Қырҭтәыла, Евроеидгыла алалара амҩаҿы аетап ҿыцахь ииасуеит, ҳара иаҳзеиҧшу амҩала ҧхьаҟацара наҳагӡоит Павел Герчински – Ҳара ҳзы адеолигархизациа иаанагоит адемократиа ашәҭыкакаҷразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа реиқәыршәара, аконкреттә ахьӡқәа ракәӡам аус злоу, ҳара адемократиа аҿиара иацхрааша асистемеи алагылазаареи ауп ҳазлацәажәо Павел Герчински - Евроинтеграциа – аҳасабтә дуӡӡоуп, аганқәа зегьы ирыхәҭоу ҟарҵароуп, аиҳабыра русура аинклиузивтә ҟазшьа амазароуп, аоппозициаа конструктивла аус руроуп Павел Герчински – Иҟаҵатәу жә-шьаҿак рҟынтә раҧхьатәи шьаҿоуп адезинформациа аҿагылара Павел Герчински – Қырҭтәыла изныкымкәа ахатә гәазыҳәара аанарҧшхьеит, апрогресси, аиашаӡбареи апробациеи асистема аиҕьтәреи, асоциалтә вервисқәа рыҟазаареи ишазҿлымҳау аанарҧшхьеит Павел Герчински – Априоритетқәа зегьы еиҟараны аҵакы рымоуп, аха, ҳара ҷыдала апрогресс ҳазыҧшуп адеолигархизациа азҵаараҿы Павел Герчински – Ҳара арҭбаара ду ҳалацәажәоит, уи Евроеидгыла ахаҭазгьы имариам ҳасабтәуп Павел Герчински – Евроеидгыла иалоу 27 ҳәынҭқаррақәа иҵоуроу аӡбара рыдыркылап, Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара иазааигәахап ҳәа сгәыҕуеит Павел Герчински – Қырҭтәыла аҧыза-министри Европатәи ахеилак ахантәаҩи иахьатәи реиҧылара сазыразуп, агәра ганы сыҟоуп дара гәаартыла ишеицәажәо Амш зеиҧшрахо 8° ахә Қaрҭ Ас 9° амҽ 11° Авалиута акурс $ USD 2.6599 0.001 € EUR 2.8839 0.006 ₽ RUB 0.029277 0.027 £ GBP 3.3677 0.004 TOP 5 Михеил Дундуа - Акоррупциа аҟынтә ахақәиҭра аиндекс инақәыршәаны Қырҭтәыла аԥхьагылара амоуп, адунеи аҿы Қырҭтәыла иалукааша лидеруп Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Италиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит Қырҭтәыла иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа абизнес администрациазы абакалавртә ԥшьышықәсатәи программа, хышықәсатәи программала ирԥсахыр рылшоит Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла европарламентарцәа рцәахыхратә ҳәамҭақәа рыдгылара мап аҵәнакыроуп, ари аҟаҵаразы аамҭа ааит
https://1tv.ge/lang/ab/news/pavel-gerchinski-qmr%D2%ADtmla-akandidat-astatws-anash%D1%8Cara-iazkw-abzh%D1%8Cagara-a%D2%ADowrmxt-cakm-amowp-shxadarat-zinqa-rmx%D1%8Ccharatch/
2024-03-01T11:44:36Z
<urn:uuid:b575a923-697e-481e-8ac5-bde18837ef06>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.6
0.96
47
6,953
tlsh:T172C8F7E18B40D70BD173C595CB418E3A2CD1795A8722B160CDDAB471120A084EFFCD03A9FFE80A1E70AB1612D273BF15550EACEA6ABEFAC7714240A45D3F39DD2BA9318D9E
Иманшәалоу аимадара Кешбек Асрақәа<br>рнапхгараҭара Ноль аныҟоу<br>алшарақәа Ароуминг Аинтернет<br>маҵзурақәа Ихарҭәаау<br>апакетқәа Агәырҿыхарақәа Агәыҳалалра Абонентцәа<br>рымаҵ аура Архиагақәа Аҧхьаӡаратә<br>усурақәа<br>рымҩаҧгара USSD Ахарҭәаара E-sim Аномерқәа рыдәқьан Амаҵзура ахьаҿаркуа Амаҵзура ҭыԥқәа Аҿакразы адокументқәа Оборудование Акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа Акорпоративтә маҵзурақәа Colocation Аопциа «Супер роуминг» Услуга «Продажа IP-трафика» Амаҵзура «Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа 150 минуҭ апакет» Амаҵзура «Апакет 20 минуҭ Урыстәылаҟа» USSD-амениу Супер АОН Аофистә номер Ибзоу ноль Амобилтә Интернет «Aquanet» аинтернет-пакетқәа SMS-пакетқәа Аномер аилыркааҿагыла АҞӘАФОН абонентцәа рзы ароуминг Шәара ишәзасуан Амаҵзуреи ацхыраареи А-SIM-карта аԥсахра Абоненттә номер аԥсахра Ахәхшәааратә план аԥсахра Аиқәшаҳаҭра даҽаӡәы ихьӡала аҟаҵара Аԥхьаӡара есымза детальла аарԥшра Есымзатәи аԥхьаӡара Аномер хатәгәаԥхарала аанкылара Абоненттә еиқәшаҳаҭра адокументқәа Оборудование Асаит ахсаала Хаҭалатәи аклиентцәа рзы Акорпоративтә хархәаҩцәа рзы Оборудование +7 940 999 99 99 Асаит ахсаала Русский Ахәхшәааратә планқәа Асмартфон азы Ателефон азы Аинтернет азы Асасцәа рзы Архивтә хәыхшәааратә планқәа Амаҵзурақәа Иманшәалоу аимадара Кешбек Асрақәа рнапхгараҭара Ноль аныҟоу алшарақәа Ароуминг Аинтернет маҵзурақәа Ихарҭәаау апакетқәа Агәырҿыхарақәа Агәыҳалалра Абонентцәа рымаҵ аура Архиагақәа Аҧхьаӡаратә усурақәа рымҩаҧгара USSD Ахарҭәаара E-sim Аномерқәа рыдәқьан Амаҵзура ахьаҿаркуа Амаҵзура ҭыԥқәа Аҿакразы адокументқәа Акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа Акорпоративтә маҵзурақәа Colocation Аопциа «Супер роуминг» Услуга «Продажа IP-трафика» Амаҵзура «Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа 150 минуҭ апакет» Амаҵзура «Апакет 20 минуҭ Урыстәылаҟа» USSD-амениу Супер АОН Аофистә номер Ибзоу ноль Амобилтә Интернет «Aquanet» аинтернет-пакетқәа SMS-пакетқәа Аномер аилыркааҿагыла АҞӘАФОН абонентцәа рзы ароуминг Шәара ишәзасуан Амаҵзуреи ацхыраареи А-SIM-карта аԥсахра Абоненттә номер аԥсахра Ахәхшәааратә план аԥсахра Аиқәшаҳаҭра даҽаӡәы ихьӡала аҟаҵара Аԥхьаӡара есымза детальла аарԥшра Есымзатәи аԥхьаӡара Аномер хатәгәаԥхарала аанкылара Абоненттә еиқәшаҳаҭра адокументқәа Ихадоу адаҟьа АҞӘАФОН АҦСНЫ АЗЫ Ауаажәларратә ҵысрақәа, ассоциациақәа, аидгылақәа АҞӘАФОН АҦСНЫ АЗЫ Аҵара Аспорт Акультура Агәабзиарахьчара Ауаажәларратә ҵысрақәа, ассоциациақәа, аидгылақәа Ауаажәларратә ҵысрақәа, ассоциациақәа, аидгылақәа Контактный центр +7 940 999 99 99 Ауаажәларратә ҵысрақәа, ассоциациақәа, аидгылақәа Ианышьақәгылаз инаркны Аилахәыра АҞӘАФОН активла ахы аланархәуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ауаажәларратә ҧсҭазаара. Ауаажәларратә ҵысрақәеи, ассоциациақәеи, аидгылақәеи афинанстә цхыраара рзыҟаҵо, ирацәоуп Аилахәыра АҞӘАФОН иаӡбо асоциалтә проблемақәа. -------------- Ақалақьтә парк арҧшӡара 2012 шықәсазы АҞӘАФОН жәышықәса ахыҵра аназгәанаҭоз аламҭалазы имҩаҧнагеит еицырдыруа аҧсуа поет, жәлар рпоезиа аҧсуа сахьаркыратә литератураҿы ацәырҵра зыхьӡ адҳәалоу – Иуа Коҕониа (1903-1928) ибаҟа ахьгылоу апарктә зона арыцқьареи арҧшӡареи иазкыз агәыҳалалратә акциа. Абаҟа ахаҭеи уи ахьгылоу апарки ааха ҕәҕәа роуит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан. Ари акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны иалыршан арымӡ ҿыцқәа рыргылара, алашара аркыгақәеи ашьаҟақәеи рарсра, ашәҭқәа реиҭаҳара, иқәҵан атротуартә ҳәаҟьақәа, акьыртә хаҳәырҷҷа ықәыҧсаны ишьақәыргылан ауаа ахьныҟәо амҩахәасҭақәа. ------------- Амилаҭзегьтәи акциа «Агәалашәаратә цәашьы» Лаҵара 14, 2010 шықәсазы ҳаамҭазтәи Аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы В. Г. Арӡынба диижьҭеи 65 шықәса аҵра амш азы АҞӘАФОН иҟанаҵаз афинанстә цхыраарала, Аҟәа ақалақь Ахақәиҭра ашҭаҿы имҩаҧысит амилаҭзегьтәи акциа “Агәалашәаратә цәашьы”. Акциа еиҿыркааит аҿар рхеидкылақәа “АҦСИЛААИ” “АМРЕИ”. Ари акциа еизнагеит Ахақәиҭра ашҭаҿы хә-нызықьҩык инареиҳаны ауаа. Жә-нызықь цәашьы рыла акаҭран аҿы нбан дула ианҵан ВЛАДИСЛАВ ихьӡ. Ашҭаҿы иқәыргылаз аекран аҟны еизаз иддырбон игәаларшәагоу акадрқәеи Владислав Григори-иҧа ифотосахьақәеи. -------------- Апроект “Ҳаицаҿагылап амҩаҿы амашәырқәа рыҟалара” 2011 шықәсазы АҞӘАФОНи акреативтә гәыҧ «Imaginarium»-и, Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, иара убас Ареспубликатә арҩашьыга маҭәашьарқәа рыҭҵааратә диспансери, аҿари аспорти русқәа рзы Аҟәатәи аҳәынҭқарратә Еилаки, ахеидкылақәа «Эго-Дизайн», арадио «SOMA»-и, арадио «Риорита»-и, ажурнал “ЛЕДИ Босс”-и ирпартниорцәаны, еицхацыркҩыс иқәгылеит амилаҭзегьтәи асоциалтә проект “Ҳаицаҿагылап амҩаҿы амашәырқәа рыҟалара” анагӡаразы. Апроект “Ҳаицаҿагылап амҩаҿы амашәырқәа рыҟалара”хықәкыс иаман – иахьа Аҧсны амҩақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьазы аҭакҧхықәра, дарбанзаалак уи иалахәу иҿаҧхьа ишышьҭоу, ауаа рхаҿы анагара, амашәыр аҽацәыхьчаразы иреиҕьу ҳәа иҟоу – амҩақәа рҿы ашәарҭадаратә ҧҟаррақәа рықәныҟәареи ҳаҭырла аизыҟазаареи шракәу. -------------- Апроект "Аҧсны ашьхара” 2011 шықәсазы АҞӘАФОН иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны, иалыршан “Аҧсны ашьхара” зыхьӡу апроект аларҵәара. Ари апроект хықәкыс иаман – атуристцәа рзы аинтерес зҵоу ашьапыламҩатә ҭыҧқәа Аҧсны анавигациатә хсаала ранҵарала ашьха-шьапыламҩатә туризм аизырҳара. Афинанстә цхыраара иаҷыдангьы, АҞӘАФОН ари апроект аинформациатә дгыларагьы анаҭеит – ажурналитстцәа, адыҧхьаланы, еиуеиҧшым аинформациатә хархәагақәа рҿы ари апроект иазкны адырраҭарақәа ҟаҵан. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, гәыҧҩык аспециалистцәа шьапыла ианысит ашьхатә мҩа. Урҭ рымҩаҿы иазгәарҭон ухы иаурхәаша “аҧхьарҭатә” ҭыҧқәа, аӡыхьқәа, иналукааша аҭыҧқәа (аҧсабара аҧшӡара, архитеқтура - ҭоурыхтә баҟақәа), амҩақәеи амҩахәасҭақәеи рыҟазаара, урҭ ахьынӡацо агәаҭара. Ари адырраҭарақәа дәықәҵан GPS-анавигациала аалыҵхкы ҭызҵаауа, еицырдыруа америкатәи ахеидкыла Garmin москватәи ахаҭарнакра ашҟа. Уаҟа уи аинформациа аус анадырула ашьҭахь, Аҧсны анавигациатә хсаала ианҵан ашьха-шьапыламҩатәи амаршрутқәа 12. Иахьатәи аамҭазы анавигациатә хсаала рбар рылшоит аинтернет ахархәаҩцәа зегьы Ареспублика Аҧсны аофициалтә туристтә саит аҿы, иара убас АҞӘАФОН асаит аҿы. -------------- Аконкурс “Аҧсны абизнес-ҧҳәыс” 2010 шықәса инаркны АҞӘАФОН спонсор Хадас иамоуп “Аҧсны аусуҩ-ҳәсақәа” захьӡу Ауаажәларратә еиҿкаареи ажурнал “Леди Босс”-и ҳтәылаҿы есышықәса имҩаҧырго амилаҭтә еиндаҭлара “Аҧсны абизнес-ҧҳәыс”. Аконкурс идеиа хадас иамоуп – рнапы злаку аус аҿы алҵшәа бзиақәа аазырҧшыз, иара убасгьы асоциалтә хырхарҭа змоу абизнес иаҿу, ҳтәыла еиуеиҧшым арегионқәа рҟынтә зус здыруа аҳәса раҳаҭыр ашьҭыхра. -------------- АҞӘАФОН ахатәы социалтә политикаҿы есышықәса имҩаҧнагоит лаҵара 9, цәыббра 30, хәажәкыра 8, рашәара 1 реиҧш иҟоу аныҳәатә рыцхәқәа инарыдҳәаланы асоциалтә программақәа. -------------- Есышықәса 1941-1945 шш рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира амш азы АҞӘАФОН еиҿнакаауеит инарҵауланы апатриоттә хырхарҭа змоу аусмҩаҧгатәқәа. Ари амш азы АҞӘАФОН ҳаҭыр ду рықәҵаны ирыдныҳәалоит аибашьраан зфырхаҵарала Аиааира аҕа инапы хәымгақәа ирымпыҵызхыз аветеранцәа. Есышықәса АҞӘАФОН еиҿнакаауеит ари аныҳәа дуӡӡа иазку агәырҕьаратә усмҩаҧгатәқәа. Аха афырхацәа раҳаҭыр абара – адныҳәаларақәа рымацарала ихдыркәшом. Агәыҳалалратә хацыркра аҳәаақәа ирҭагӡаны АҞӘАФОН есышықәса аибашьра аветеранцәа ирырҭоит аныҳәатә ҳамҭақәа, ртәанчаҩхәы иацҵаны ирзыҟарҵоит аматериалтә цхыраара. -------------- Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира мшы азы АҞӘАФОН азҿлымҳара рзыҟарҵоит иҭахаз рҭаацәеи аибашьра ахымхәацәеи. 2007 шықәса раахыс 1 агәыҧ змоу 125-ҩык ахымхәацәа, Ареспублика Аҧсны хаҭалатәи атәанчаҩцәа ҳәа ахьӡ занашьоу, ахеидкыла АҞӘАФОН аҟнытә ртәанчаҩхәы иацҵаны рыҧсы ҭанаҵы есымза зықь мааҭ аҧара роуеит. Аиааира 17 шықәса аҵра инақәыршәаны, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аҳәаанырцәынтәи иааны еибашьуаз ҳџьынџьуаа рыхшара АҞӘАФОН ирнаҭеит 225 нызықь мааҭ аҧара. Забацәа Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аибацәа рзы АҞӘАФОН иҟанаҵеит зныктәи ацхыраара – дасу х-нызықь мааҭ аҧара иҭан. 2011 шықәсазы АҞӘАФОН ацхыраара рнаҭеит ахшара рацәа змоу 16 ҭаацәара хымхәацәа, Аҧсны араионқәа зегьы рҟнытә ҩба-ҩба ҭаацәара. 320 нызықь мааҭ рыхә абзазаратә техникатә комплектқәа аахәаны аветеранцәа рҭаацәарақәа ирыҭан. 2012 шықәсазы АҞӘАФОН аҟнытә хаҭалатәи ацхыраара зауз аҭаацәарақәа рхыҧхьаӡара жәаа рҟынӡа иазҳаит. -------------- Аилахәыра АҞӘАФОН алахәны инагӡан Аиааира Амш иазкыз апроектқәа акыр: зҭоурыхтә ҧсадгьылахь ихынҳәыз ҳџьынџьуааи, Аҧсны активла иҟоу аҿари, ахәыҷтәы кәашаратә коллективқәеи рныҟәара; “Ҳиааира 16 шықәса ахыҵит!” зыхьӡыз ахәыҷтәы сахьақәа рконкурс; ҳтәыла ахәыҷқәа рзы акостиумтә ныҳәатә қәгылара, АҞӘАФОН аҟнытә ахәмарратә ҧхьахәқәа ацны; Ҳреспублика иқәынхо рзы Аиааира мшы азы ахақәиҭреи ахьыҧшымреи ирсимволу – аиааиратә цахаҧҟақәа (алентақәа) ҳамҭас рыҭара ; Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟқәа 200 ҳамҭас аҿартә еиҿкаарақәа быжьбеи Аспорти аҿари русқәа рзы Акомитети рыҭара. -------------- Есышықәса Жәларбжьаратәи аҳәса рымш азы АҞӘАФОН рыдныҳәалоит акрызҵазкуа асоциалтә сфераҿы аус зуа, еиуеиҧшым акатегориақәа ирыҵаркуа аҳәсақәа. 2013 шықәса, хәажәкыра 8 рзы АҞӘАФОН рыдныҳәалоит аҳәынҭқарра абжьаратә школқәа рырҵаҩцәеи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәеи. Уи амш азы Раҧхьатәи амобилтә оператор азҿлымҳара зырҭаз арҵаҩцәа бзиақәа мацара ракәым, урҭ иалкааны ирыдныҳәалеит ҳтәыла аамҭа уадаҩ ианҭагылаз, 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра активла зхы алазырхәыз аҳәса. Урҭ рыхәҭак рашьцәеи рабацәеи ирывагыланы афронт аҧхьатәи ацәаҳәаҿы иҟан, даҽа хәҭак ҧсеиҭакрак ҟамҵакәа Кавказ жәлар рконфедерациа аштаб аҿи Гәдоуҭатәи апресс-центр аҟни аус руан. Имҩаҧгаз акциа иалҵшәаны, арҵаҩра ус знапы алаку 42-ҩык арҵаҩцәа ирыҭан аматериалтә цхыраара хәба-хәба нызықь аҧара. 2012 шықәсазы АҞӘАФОН адныҳәалара рзыҟанаҵеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз ҩыџьа аҳәса-хымхәацәа. Урҭ ртәанчаҩхәы иацҵаны рхаҿытә ԥхьаӡара ашҟа ирзынашьҭын аҧара. 2011 шықәсазы АҞӘАФОН аҳамҭа рзыҟанаҵеит еиуеиҧшым ҩ-занааҭк ирҿу ҩыџьа аҳәсақәа – аџьеи асоциалтә ҿиареи рминистрра аҿы аус зуа аҧҳәыс – асоциалтә усзуҩи Аҧсуаҭҵааратә институт аҿы аус зуа аҧҳәыс- аҵарауаҩи. Урҭ ирзыҟаҵан аныҳәазы зныктәи афинанстә цхыраара, иара убасгьы АҞӘАФОН аҟнытә дасу ҳамҭас илыҭан АҞӘАФОН акорпоративтә комлект. Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы АҞӘАФОН афинанстә цхыраара рнаҭеит Аҧсны араионқәеи ақалақьқәеи рҿы иҟоу ашколқәранӡатәи азеиҧшҵаратә усҳәарҭақәа русзуҩцәа-ҳәсақәа, Аҧсны ашкол-интернатқәа рырҵаҩцәа, иара убас аныҳәа аламҭалазы зныктәи аматериалтә цхыраара азыҟаҵан Аҧсны Анацәа Рхеидкыла “Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы”. -------------- Уажәшьҭа акыр шықәса инеиҧынкыланы Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амш азы АҞӘАФОН еиҿнакаауеит илахҿыху ахәыҷтәы ныҳәақәа. 2012 шықәсазы АҞӘАФОН иҟанаҵаз аспонсортә дгылара иабзоураны Аҟәа ақалақь ҩ-ҭыҧк рҿы еиҿкаан акультура-массатә усмҩаҧгатәқәа. Ацәыргақәҵатә Зал Хадаҿы имҩаҧысит ахәыҷтәы ҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа аартра. Ахәыҷқәа рырҿиара иазку Ареспубликатә ҩны «Аинар» жәашықәсахыҵра аиубилеи инадҳәаланы еиҿкааз аекспозициа еиднакылеит еиуеиҧшым аамҭақәа рзы ари арҿиаратә ҩны аҿы аҵара зҵоз ахәыҷқәа русумҭақәа. Уи амш ахәылбыҽхан имҩаҧысит анагӡаҩцәа қәыҧшцәа рконкурс “Аҧсны аҿар рыбжьы” алахәцәа рымчала ишьақәгылаз аныҳәатә концерт. 2011 шықәсазы ахшара рацәа змоу 8-ҭаацәарак АҞӘАФОН аҟнытә ҳамҭас ирыҭан абзазаратә техника иаиуоу акомплектқәа. Урҭ АҞӘАФОН ахьӡала ироуит архьшәашәагақәа, аӡәӡәага машьынақәа, агазтә плитақәа, ателевизорқәа, амикроцәқәырҧатә печкақәа, ахәыҟаҵагатә комбаинқәа. Ари абзазаратә техника зегьы аҭаацәарақәа ианрырҭоз хаҭала далахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Аџьеи асоциалтә ҿиареи аминистр Ольга Виктор-иҧҳа Колтукова. 2010 шықәсазы Аилахәыра АҞӘАФОН абзоурала аамҭакала Аҧсны ҩ-қалақьк рҿы – Аҟәеи Гәдоуҭеи имҩаҧысит аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа. Урҭ аусмҩаҧгатәқәа рҳәаа иҭагӡаны еиҿкаан илахҿыху ақьачақьцәеи, ахәыҷтәы ансамбль “Шьараҭын”-и, иара убас аконкурс “Аҧсны аҿар рыбжьы” аҟны 2010 шықәса рзы Гран-при занашьаз ашәаҳәаҩцәа қәыҧшцәеи рықәгыларала ишьақәгылаз аныҳәатә концерт. Шықәсык уи аҧхьа, АҞӘАФОН Аҟәа ақалақь абонентцәа рмаҵуразы Ацентр аҿаҧхьа еиҿнакааит акостиумтә ныҳәатә қәгылара “Ахәыҷра аныҳәа”. Аҷкәынцәеи аӡҕабцәеи хәыҷқәа аныҳәатә гәалаҟазаара бзиа рнаҭеит ухызхуаз апрограммеи, иблахкыгоу костиумқәа зшәыз ақьачақьцәеи, ахәмаррақәеи, асувенирқәеи. 2008 шықәсазы АҞӘАФОН акрызҵазкуа аматериалтә цхыраара рынаҭеит Гәдоуҭатәи Очамчыратәи араионқәа рҿы инхо хә-ҭаацәарак. АҞӘАФОН аусзуҩцәа хаҭала ирҭааит арҭ аҭаацәарақәа зегьы. Урҭ аҧара адагьы ахәыҷқәа ҳамҭас ирызнаргеит ахәмаргақәеи ахаа-мыхаақәеи. -------------- АҞӘАФОН аусура иузаҟәымҭхо акакәны иҟоуп асоциалтә ҭакҧхықәра. АҞӘАФОН азы абизнес асоциалтә ҭакҧхықәра– ари ауаажәлар рҿиара аус аҿы хатәгәаҧхаралатә лагамҭоуп, уи – ҧҟарраӡам, етикатә принципны иҟоуп. Араҟа ауалҧшьа иахәҭоуп ҳәа акәымкәа, ҩныҵҟалатәи цәанырраны ауп ишыҟоу, уи шьаҭас иамоуп ламысла ахымҩаҧгареи адоуҳатә мазарақәеи. АҞӘАФОН ҧсахрак ҟамҵакәа адгылара рызнауеит, аматериалтә цхыраара рзыҟанаҵоит Аилахәыраашҟа ацхырааразы инеиуа еиуеиҧшым аиҿкаарақәа реиҧш, хаҭала атәылауаагьы.
https://aquafon.com/for-abkhaziya/2661/?language=ab
2024-02-26T21:32:54Z
<urn:uuid:d36ee6ed-9b69-46cb-b288-f1dba421db43>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.91
0.8
0.98
98
23,579
tlsh:T1841806B27A40CB4FC5F7C058CEC28E351CD058074222B730CEC9B574564209DEFFCE13AAFAE8599AB4EB1115D251BB219D4AEDDA297DBBE7714200A16D2F78ED27A036D69E
Леван Давиҭашвили – «Абырфын мҩа афорум» алахәылацәа рырацәара алагьы иубарҭоуп аҳәынҭқаррақәа рацәа Қырҭтәылеи ҳтәыла аекономикатә тенденциақәеи ишрызҿлымҳау - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Леван Давиҭашвили – «Абырфын мҩа афорум» алахәылацәа рырацәара алагьы иубарҭоуп аҳәынҭқарр... Иҵегь аҭагалара Леван Давиҭашвили – «Абырфын мҩа афорум» алахәылацәа рырацәара алагьы иубарҭоуп аҳәынҭқаррақәа рацәа Қырҭтәылеи ҳтәыла аекономикатә тенденциақәеи ишрызҿлымҳау 19:23, 23.10.2023 Қырҭтәыла авице-премьера, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр иҳәамҭала, «Абырфын мҩа афорум» аҽалархәразы жьҭаара 26-27 рзы Қарҭ иаҭаауеит 2000ҩык иреиҳаны асас дахьқәа. Левана Давиҭашвили ишиҳәаз ала, сынтәатәи афорумаҿ ахадаратә темахоит аҽалархәра алшара. «Аимадара – аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ари атема актуалтә ҵакы аиуит. Агеополитикатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, Қырҭтәыла атранспорт-логистикатә потенциал адунеиаҿ хзыҩзышьҭра ду амоуп. Ҳара атранспорт-логистикатә аимадарақәа ҳрылацәажәоит», — иҳәеит Қырҭтәыла аекономика аминистр. Левана Давиташвили иҳәамҭала, аполитикатә мзызқәа рыдагьы, абизнес-лидерцәа рацәа Қарҭ иаҭаауеит абизнес аҟаҵареи аинвестициақәа рымҩаҧгареи алшара иалацәажәарц азыҳәан. ««Абырфын мҩа афорум» алахәылацәа рырацәара алагьы иубарҭоуп аҳәынҭқаррақәа рацәа Қырҭтәылеи ҳтәыла аекономикатә тенденциақәеи ишрызҿлымҳау. Афорум агеографиа ҭбаауп, уи рхы аладырхәоит арегион атәылақәа мацара ракәымкәа, Ацентртә Азиеи, Европеи, Ааигәатә Мрагылареи, Персиатәи аӡыбжьахалеи атәылақәеи, Китаии, Америкеи рхаҭарнакцәа. Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа асессиақәа рмодераторцәахоит BBC, Bloomberg, DW ажурналистцәа» , – иҳәеит Давиҭашвили. АЕКОНОМИКА «Абырфын мҩа афорум» Левaн Дaвиҭaшвили 1 Еиҧшу Леван Давиҭашвилии Emaar Properties ашьаҭаркҩи Қырҭтәыла аԥара злеиҵар иҭаху апроектқәа ирылацәажәеит Леван Давиҭашвили, Давос, америкатә афинанстә институт ду Bank of America аделегациа алахәылацәа дырҧылеит Леван Давиҭашвили – Сынтәатәи Давос аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳара Қырҭтәыла атранспорт-логистикатә потенциали, ҳтәыла алшарақәеи, арҭ алшарақәа рырҭбаара иазку аинвестициақәеи ҳрылацәажәоит Леван Давиҭашвили - Давос акрызҵазкәа платформоуп, абизнесменцәа рҟны имҩаҧааго аконкреттә аиҧыларақәа инарываргыланы, аҧыза-министр иакымкәа апанельтә дискуссиақәа ихы рылеихәоит Леван Давиҭашвили - Қырҭтәыла анапхгара Урыстәылаҟны акомпромисс ма аусеицура иазкыз ахарадҵарақәа ирыхәамԥшыкәа, афактқәа даҽа ҭагылазаашьа ҳдырбоит Леван Давиҭашвили - Ишиашоу атәымтә инвестициақәа рганахьала сынтәагьы апозитивтә динамика нагӡоит, урҭ рхыԥхьаӡара миллиард доллар еиҳахеит Леван Давиҭашвили - Ҳтәыла ишәарҭам иҭышәынтәалоу, узықәгәыӷыша партниорны иҟалеит Қырҭтәылеи Катари амшынуаа рсертификациа азхаҵара иазку амеморандум рыбжьарҵеит Амш зеиҧшрахо 10° амҽ Қaрҭ ашә 11° аҩ 14° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Санкт-Петербург ҩнык адрон ақәҳаит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/levan-davi%D2%ADashvili-abmrfmn-muia-aforwm-alaxmlatca-rmratcara-alag%D1%8Cm-iwbar%D2%ADowp-ahmn%D2%ADqarraqa-ratca-qmr/
2024-03-03T06:27:13Z
<urn:uuid:4874a280-8288-4f3a-928a-d71b08b3f2b0>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.6
0.94
48
6,553
tlsh:T175B16AD17B44CB4BC173C56C8E828D326CE2591786227360CEC1F4B0171619DFFFCD02A9B9E4054F64AB1606D152BF156609FCEB65BDBFE7611201A02E3E34EA339432DA9E
Адиаспора (абырз. διασπορά) — ари ажәлар рыхәҭак ауп, изхылҵыз атәыла аҟны инымхо, аха убри аан иахьынхо атәыла аҟны, иаку иҭышәынтәалоу аетникатә гәыԥқәа аԥҵаны измоу, насгьы дара рыҿиареи руаажәларреи реиԥшзаара амырӡразы, адгыларазы асоциалтә институтқәа змоу жәларуп. Аҭоурых[аредакциазура | акод аредакциазура] Ус еиԥш иҟалеит аҭоурых аҟны, аетносқәа лассы-лассы дара рҵакырадгьылқәа рҟны акәымкәа, егьырҭ атәылақәа рҟны инхалартә еиԥш. Уи зыхҟьаз аибашьрақәа, аҳәаақәа реиҭакра, аимпериақәеи аҳәынҭқаррақәеи рхыбгалара, аԥсабаратә рыцҳарақәа, аекономикатә кризисқәа уҳәа роуп. Абарҭқәа зегьы ажәларқәа ԥсаҟьаны адунеи иаланаԥсоит. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара адыррақәа рыла, 1960 шықәса рзы атәым тәылақәа рҟны инхон 75,5 миллионҩык ауаа, 2000 шықәса рзы – ари ахыԥхьаӡара 176,6 миллионҩык рҟынӡа иҟалахьан, 2009 шықәса рзы ари ахыԥхьаӡара 213,9 миллионҩык рҟынӡа еизҳаит, 2013 шықәса рзы – 232 миллионҩык. Иахьа еиуеиԥшым адунеи атәылақәа рҟны инхоит х-процентк инаркны жәа-процентк рҟынӡа ауааԥсыра, урҭ зегьы мигрантцәоуп. Хықәкыла иаҳҳәозар, атәым тәылақәа рҟны инхоит 35 млн акитаиццәа, 25 млн еиуеиԥшым африкатәи атәылақәа ирылҵыз, 19 млн аурысцәа, 14 млн акурдцәа, 9 млн индиаа, 10 млн ирландиаа, 8 млн италиаа, ауриацәа, ацыганцәа, 5,5 млн аерманцәа, 4,5 млн авенгрцәеи аполиакцәеи, 4 млн абырзенцәа, 3,5 млн аҭырқәцәеи иранааи (аџьамцәа), 3 млн иапониаа, 2,5 млн анемеццәа. Атәым тәылақәа рахь иқәнагалаз ауаа еснагь рмилаҭ еиуаз ирыҿцаауан. Уи азын дара ацуҭақәа еиҿыркаауан. Иахьа ацуҭа (община) – ари ауаа ракзаара ауп – ԥҟараны ишышьақәгылаз еиԥш, уи еиднакылоит аҭаацәарақәа, ауацәа, аҭынхацәа – урҭ зегьы еимадоуп анхамҩа, акультура, азинтә усура уҳәа рыла, насгьы ҵакырадгьылк аҟны еицынхоит. Ауаа реизааигәара, аӡәыкны рыҟалара ари ацуҭа иакритериақәаны иҟазар ретникатә хылҵшьҭра, ас еиԥш ацуҭа – адиаспора ҳәа иашьҭоуп. Адиаспора ахкқәа У. Коен иаликаауан ԥшь-диаспора хкык: адиаспорақәа – иалаӡыз (ауриацәа, африкаа, аерманцәа, палестинаа), аџьатә диаспорақәа (индиаа), аџьатәқәа (китаиаа), аимпериатә (британиатәи, франциатәи, испаниатәи, португалиатәи). Дж. Армстронг ҩ - диаспора хкык аликаауан: «амобилтәи» «апролетартәи». «Амобилтә» диаспорақәа ирымоуп акыр иҭбаау, иуадаҩу аҭоурых, урҭ рҭоурых шәышықәсала ишьақәгылоз акакәын. Арҭ адиаспорақәа асоциалтә шьцылара иазыманшәалоуп, убри аҟынтә акыр инарҵауланы издызкылаз аилазаара аҟны рышьаҭа рҳаит уҳәар алшоит. «Амобилтә» диаспора акатегориа иаҵанакуа ракәзар, Дж. Армстронг уахь иаҵаиркыз зегь раԥхьа иргыланы ауриацәеи аерманцәеи рдиаспорақәа роуп. «Апролетартә» диаспорақәа – ари ааигәа ишьақәгылаз етникатә еилазаароуп. Дж. Армстронг игәаанагарала, «арҭ адиаспорақәа ҳаамҭазтәи аполитика иалҵшәахаз иқәҿиарадоу аалыҵуп». Г. Шеффер иаликаауеит абас еиԥш адиаспора хкқәа: – инарҵаулоу аҭоурыхтә шьаҭақәа змоу (арахь иаҵанакуеит аерманцәа, ауриацәа, китаиаа рдиаспорақәа); – «макьаназы ихырқәақәо» (америкаа, Европеи, Азиеи, Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны скандинаваа); – «иҿоу» (ари адиаспора хкы еиҿыркаауеит абырзенцәа, аполиакцәа, аҭырқәцәа); – «ҿыц иҿио», даҽакала иуҳәозар, ашьақәгылара амҩа иану (ас еиԥш адиаспорақәа зырҿио кореиаа, филиппинаа, насгьы анкьатәи асоветтә республикақәа рҟны инхоз аурысцәеи роуп); – «аҩны змам», зхатәы ҳәынҭқарра змам (ари акатегориахь иаҵанакуеит акурдцәеи, апалестинеццәеи, ацыганцәеи рдиаспорақәа); – «аетномилаҭтә», «ахатәы» ҳәынҭарра рымазшәа агәаанагара зызцәырҵуа, ари зегь реиҳа иалаҵәоу диаспора хкуп; – «еихырԥсаҟьоу», еизакны инхо. Зегь реиҳа идуу адиаспорақәа жәаба:[аредакциазура | акод аредакциазура] Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы амиграциатә процессқәа даара идуу амасштабқәа аҵанакуа иалагеит – иахьазы адунеи аҟны инхо ауаа рахьтә 35-тәи зҭыԥ иахыҵны даҽаџьара нхара ицаз иоуп. Аҿиара змоу атәылақәа рҟны акәзар, 10-тәи зҭыԥ иахыҵны даҽаџьара нхара ицаз иоуп. Даҽа тәылак ахь нхара ицаз инхарҭа ҭыԥ ҿыц аҟны ибзазашьа анеиқәиршәалак, имилаҭ иаҵанакуа емиграциа рцара дацхраауеит. Убри аҟынтә иџьашьатәӡам, адиаспорақәа рхыԥхьаӡара ас лассы иахьазҳауа. Зегь реиҳа идуу диаспорақәоуп: 10. Ацыганцәа рдиаспора[аредакциазура | акод аредакциазура] Ацыганцәа ауаа рышәҟәҭагалара лассы-лассы рхы аладырхәуам, рхыԥхьаӡаразы рхатә дыррақәа рымоуп умҳәозар. Убри аҟынтә ари ажәлар ирыдҳәалоу ахыԥхьаӡарақәа зегьы - ус инықәырԥшшәа иҟаҵоу дыррақәоуп, иахьазы дара 8 миллионҩык рҟынӡа ыҟоуп ҳәа азгәаҭоуп. Убасгьы, иԥхьаӡоуп Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны миллионҩык рҟынӡа ацыганцәа шынхо, урҭ рхыԥхьаӡара рацәоуп Бразилиа, Румыниа. 9. Италиаа рдиаспора[аредакциазура | акод аредакциазура] Ажәбатәи аҭыԥ аҟны иҟоу италиаа рдиаспора 8 миллионҩык рҟынӡа инаӡоит. Дара рмилаҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәа рахь рықәҵра хацыркын XIX ашәышықәса анҵәамҭазы, еиҳаракгьы ари апроцесс аҿарҭбааит Актәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь. Уи мзызс еиҳарак иаиуз аӷарра ауп, амамзаара ауаа убас еиԥш аҭагылазаашьа иҭанаргылон, егьырҭ аҵакырадгьылқәа рахь иқәҵны ицаратәы. Италиаа еиҳарак иқәҵны нхара ҳәа иахьцаз Ҩадатәии Ладатәии Америка атәылақәа рахь ауп. 8. Ауриацәа рдиаспора[аредакциазура | акод аредакциазура] Аофициалтә дыррақәа рыла, ауриацәа Израиль анҭыҵ инхо рхыԥхьаӡара 8 миллионҩык рҟынӡа инаӡоит, аха зегь реиҳа ауриацәа ахьынхо Еиду Америкатәи Аштатқәа (урҭ уатәи рхыԥхьаӡара 5-миллионҩык иреиҳауп), Франциа, Британиа Ду рҟны ауп. Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы ауриацәа рыцуҭа адунеи аҟны зегь реиҳа еиҳауп ҳәа иԥхьаӡоуп, иара убасгьы 2003 шықәсанӡа ауриацәа рдиаспора Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны еиҳа еиҳан Израиль инхоз ауриацәа рхыԥхьаӡара аасҭа. 7. Аерманцәа рдиаспора[аредакциазура | акод аредакциазура] Адунеи 102 тәыла рҟны инхоит Ермантәылантәи амигрантцәа. Урҭ рахьтә 87 % атәылақәа 6 рҟны ауп иахьынхо, урҭ рхыԥхьаӡараҿы Урыстәыла, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Франциа. Аерманцәа рдиаспорагьы 8 миллионҩык шьақәнаргылеит, убри аан иара Ермантәыла инхо 3 миллионҩык роуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы дара рҽазыршәеит иаку еиҿкаарак, адиаспора еидызкыло аԥҵара, аха ари аус макьаназы аҵыхәтәанынӡа иӡбам. 6. Украинаа рдиаспора[аредакциазура | акод аредакциазура] Украинаа рыԥшьбатәи ахәҭа (10 миллионҩык инадыркны 15 милионҩык рҟынӡа) Украина анҭыҵ ауп иахьынхо. Зегьы иреиҳау урҭ рдиаспора ахаҭарнакцәа Урыстәыла ауп иахьынхо, иара убасгьы имаҷҩымкәа украинаа нхоит Еиду Америкатәи Аштатқәа, Канада, Молдова. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы зегьы иреиҳаны амигрантцәа нхара ҳәа иахьцо Испаниа, Италиа, Мысра атәылақәа рахь ауп. 5. Аполиакцәа рдиаспора[аредакциазура | акод аредакциазура] Аполиак хылҵшьҭра змоу амигрантцәа, аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, 21 миллионҩык ыҟоуп. Урҭ зегь раасҭа иахьынхо ҭыԥуп Еиду Америкатәи Аштатқәа – ара инхо аполиакцәа рхыԥхьаӡара миллионки 500 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит, Бразилиеи Германиеи ракәзар, Польшантәи амигрантцәа рхыԥхьаӡара еиԥшуп уҳәар ауеит – дара ҩ-миллионки 500-нызқьҩык рҟынӡа тәылацыԥхьаӡа инхоит. 4. Аурыс диаспора[аредакциазура | акод аредакциазура] Ианеиҵаха 25 миллионҩык рҟынӡа аурысқәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа анҭыҵҟа нхара ҳәа иагеит. Иҟоуп ахыҵхырҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡара 40 миллион рҟынӡа инаӡоит ҳәа аазыцҳауа, аха аҭҵааҩцәа ас еиԥш ахыԥхьаӡара иақәшаҳаҭым. Зегьы иреиҳау европатәи аурыс диаспора нхоит Германиа. Убри анаҩсгьы, урысшәала ицәажәо амигрантцәа рацәаҩуп Еиду Америкатәи Аштатқәа, Израиль, Латвиа. 3. Индиаа рдиаспора[аредакциазура | акод аредакциазура] Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иҟанаҵаз аҳасабырба инақәыршәаны, адунеи зегьы аҟны инхоит индиаа рхылҵшьҭрақәа 25 миллионҩык рҟынӡа, дара адунеи 110 тәыла рҟны иҟоуп. Зегь реиҳа индиаа рхылҵшьҭрақәа ахьынхо Непал (4 миллионҩык), Еиду Америкатәи Аштатқәа (3 миллионҩык), Малаизиа (2,4 миллионҩык) рҟны ауп. 2. Акурдцәа рдиаспора[аредакциазура | акод аредакциазура] Акурдцәа рдиаспора шаҟа ыҟоу аԥхьаӡара зыруадаҩуа акәны иҟоуп, дара ахьынхо ԥшь-тәылак рҟны зныкгьы ауаа ашәҟәранҵара ахьымҩаԥырымгац. Еиуеиԥшым адыррақәа рыла, акурдцәа рдиаспора – 20 миллионҩык инаркны 40 миллионҩык рҟынӡа ыҟоуп, аха зегь реиҳа ииашоуп ҳәа иԥхьаӡоу 35 миллионҩык ҳәа иҟоу адыррақәа роуп. 1. Китаиаа рдиаспора[аредакциазура | акод аредакциазура] Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, китаиаа рхыԥхьаӡара, зҭоурыхтә ԥсадгьыл иацәыхараны инхо, 50 миллионҩык рҟынӡа ыҟоуп. Урҭ реиҳараҩык (20 миллион инаркны 30 миллион рҟынӡа) Лада-Мрагыларатәи Азиа инхо роуп, ҿырԥштәыс иаагозар, Сингапур инхо ауааԥсыра зегь рахьтә 78% шьақәзыргыло китаиаа роуп. Убри анаҩсгьы китаиаа рдиаспора ыҟоуп Америкеи Европеи. Аӡәырҩы асоциологцәа излашьақәдырӷәӷәо ала, иахьатәи аамҭазы «адунеитә диаспоризациа» апроцесс мҩаԥысуеит, дара адиаспорақәа рхаҭақәа ракәзар, атрансоциалтә ҳақәаны аҟалара иалагеит. Убри аҟынтә, аамҭа цацыԥхьаӡа иалшоит адиаспорақәа рхыԥхьаӡара еизҳар, иазҳауеит убасгьы урҭ аполитикатәи аекономикатәи ҭагылазаашьа иазыҟарҵало аныррагьы. Адиаспора афункциақәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Адиаспорақәа зегьы лахьынҵак-лахьынҵак рымоуп. Урҭ алахьынҵақәа еиуеиԥшым, дарбанызаалак ауаҩы иԥсҭазааратә мҩа шиндивидуалтәу еиԥш. Аха, егьа ус акәзаргьы, адиаспорақәа русура аҟны еицырзеиԥшу афункциақәа маҷым. Ус еиԥш рҷыдаҟазшьоуп «ижәытәтәиугьы» «иҿыцугьы» адиаспорақәа. Дара адиаспорақәа рцәырҵшьа амзызқәа шеиԥшымгьы, ирзеиԥшу аҟазшьақәа рымоуп. Аха абра иазгәаҭатәуп, зыӡбахә ҳәоу афункциақәа рхаҭәаара, рбеиара уҳәа акыр аиԥшымзаарақәа шрымоу. Зегь реиҳа иалаҵәаны иҟоу адиаспора афункциақәа иреиуоуп досу рҭоурыхтә ԥсадгьыл, рыжәлар ркультура, рыҿиара, доуҳала рырбеиара ацхраара, адгылара рзыҟаҵара. Иҷыдоу аҭыԥ аанакылоит ахатәы бызшәа аиқәырхара. Ишдыру еиԥш, абызшәа ауп даҽа тәылак аҟны ауаҩы далкааны, дызмилаҭу удыруа дҟазҵо. Ахатәы бызшәа иабзоураны ауаҩы дахьынхозаалак, иарбан ҳәынҭқарразалак аҟны истатусгьы аҽаԥсахуеит. Ҿыц ишьақәгыло адиаспора еснагь ахатәы бызшәа ахархәара анаҭоит иформалтәым аицәажәара аан, аха ашкол, аусеилыргара, амассатә информациа ахархәагақәа рҟны уи ахархәара маҷуп, зынӡагьы иамам уҳәар алшоит. Ахатәы бызшәа зехьынџьара ахархәара аиура азықәԥара аҭахны иҟоуп. Ахатәы бызшәа амилаҭтә культура ретронслиаторс иамоуп, уи ацәыӡра, еиҳаракгьы адоуҳатә хырхарҭаҟны рыцҳара дууп (атрадициақәа, ахдырра, ақьабзқәа). Аха убри аан, збызшәа зцәыӡыз ажәларқәа, ретнос ишаҟәҟьазгьы, диаспораны ишыҟаз иаанхоит (иаҳҳәозар анемеццәа, кореиаа, ассирииццәа, чувашиаа уҳә. егь.) Абас алагьы абызшәа аиқәмырхара адиаспоразы иҳәаақәҵоу ҷыдарам. Адиаспора аусуразы ихадоу акәны иҟоуп аетникатә культура аиқәырхара, уи иаҵанакуеит аматериалтә, адоуҳатә, асоционормативтә усура. Еиҳа инарҵауланы аетникатә культура аныԥшуеит алитература, аҟазара, аетникатә символика, атрадициақәа, еиуеиԥшым аматериалтә культура аформақәа (акрыфара, аҽеилаҳәара), афольклор. Аетникатә культура амырӡра аригьы адиаспора иаҷыдаҟазшьоуп. Аха аамҭа цацыԥхьаӡа адиаспора аетникатә культура изхылҵыз ретнос акультура акыр иацәыхарахоит. Уи адиаспора ахьынхо ажәлар иныҟәырго атрадициақәеи иареи еилаӡҩоит. Аетникатә культура амырӡра зхьыԥшу адиаспореи изланхо ажәлари ирыбжьоу адистанциа ауп, иара убасгьы, иахьынхо аҳәынҭқарра адиаспорахь иаанарԥшуа атолерантреи, адиаспора ахаҭарнакцәа ркультура аиқәырхара агәазыҳәара ахьынӡарымоуи роуп. Даара аҵак ду амоуп аекономикатә функциагьы, уи акыр адиаспорақәа ахархәара алыршара рҽазыршәоит. Ара зыӡбахә ҳәоу убас еиԥш иҟоу аекономикатә ҿиара аформақәа роуп, иҷыдоу даҽа жәларык ирыламҩашьо жәлар рнапҟазарақәа раалыҵқәа рҭыжьра алыршара. Арҭқәа зегьы адиаспора ахаҭарнакцәа рыԥсҭазаара еиԥш, егьырҭ амилаҭқәа изланхогьы рыԥсҭазаара арбеиоит. Ас еиԥш аекономикатә функциақәа раларҵәара еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ацзаргьы, аҭоурыхтә ԥышәа ахархәара аҭазар, зегьы уи аҟынтә иаиааиуеит, афеида алырхуеит. Ара, иара убасгьы, иазгәаҭатәуп адиаспора аполитикатә функциақәагьы шынанагӡо. Ари раԥхьа иргыланы иахьаныԥшуа иназыцҵоу азинқәа роуразы алоббизм аныҟарҵо ауп. Иҩбахаз, адиаспора, мамзаргьы уи иадҳәалаз акыр аиҿкаарақәа ишьақәгылоу арежим оппозицианы ианазыҟало ауп. Ихԥатәихаз, адиаспорақәа иахьынхо атәыла жәларбжьаратәи апозициақәа анырра анарҭо ауп. Астатистика[аредакциазура | акод аредакциазура] Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара адыррақәа рыла, 1960 шықәса рзы атәым тәылақәа рҟны инхон 75,5 миллионҩык ауаа, 2000 шықәса рзы – ари ахыԥхьаӡара 176,6 миллионҩык рҟынӡа ихалахьан, 2009 шықәса рзы ари ахыԥхьаӡара 213,9 миллионҩык рҟынӡа еизҳаит, 2013 шықәса рзы – 232 миллионҩык. Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] [1] [2] [3] [4] [5] [6] [7] [8] [9] [10] [11] [12] [13] [14] Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Адиаспора&oldid=107288 Акатегориа: Адиаспора Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 16:34, 9 жәабранмза 2021. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B4%D0%B8%D0%B0%D1%81%D0%BF%D0%BE%D1%80%D0%B0
2024-02-29T12:51:45Z
<urn:uuid:f031eb11-5241-4042-945a-0c76c581b2af>
[ "footer", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.93
0.68
0.99
34
22,996
tlsh:T16D6D0EA26D40DB4BC573D1D98E91CE3528D0690783237221CEC4F4B0254619DEAFCC2396FBF90B4AB4AF0252D252FE105B0AECE9217D7AEB715640A55E3F38DA27A476D69F
Алхратә комиссиа хада – Аполитикатә партиақәак Венециатәи акомиссиа аихшьаала рхы иадырхәоит алхратә администрациа аҳаҭыр аларҟәразы 18:35, 17.11.2023 Иракли Шоҭаӡе Венециатәи акомиссиа аделегациа алахәылацәа дырԥылеит 18:28, 16.11.2023 Иракли Ҕарибашвили Венециатәи акомиссиа аделегациа алахәылацәа дырԥылеит 13:49, 16.11.2023 Шьалуа Папуашвили Венециатәи акомиссиа аделегациа алахәылацәа дырԥылеит 09:35, 10.10.2023 Венециатәи акомиссиа Азеиԥш аӡбарҭақәа рзакәан иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит 12:19, 23.09.2023 Шьалуа Папуашвили Венециатәи акомиссиа ахь ааԥхьара ҟаиҵеит 12 абжьгарақәа рынагӡара иазку адокументқәа ахәшьара рырҭарц 11:30, 13.06.2023 Венециатәи акомиссиа арекомендациа - Адеолигархизациа иазкә азакәанпроект иҟоу аформала адкылара ҟалом 12:16, 14.04.2023 Шьалуа Папуашвили Венециатәи акомиссиа ахада лахь ааԥхьара ҟаиҵеит "Адеолигархизациа иазкә" азакәанпроект иадҳәаланы агәанагара ирласӡаны идырмазеирц 09:05, 03.02.2023 Венециатәи акомиссиа "Адеолигархизациа иазку азакәанпроект" иазкны аус аднауло алкаа, ашьақәырӷәӷәаразы акомиссиа аилатәараҿ хәажәкыра 10-11 рзы цәырыргоит 12:47, 29.11.2022 Иракли Кобахиӡе - Венециатәи акомиссиахь "адеолигархиазциа иазку" азакәан ашьҭра аҭахымызт ҳәа уажәгьы сгәы иаанагоит 10:13, 29.11.2022 Евроеидгыла ахаҭарнакра - Қырҭтәыла апарламент аҳәамҭа ҟанаҵеит Венециатәи акомиссиахь "адеолигархизациа иазку" азакәан ҳашьҭит ҳәа, ари адаара ҳаргәырӷьеит, ари апозитивтә шьаҿоуп 10:23, 26.11.2022 Шьалуа Папуашвили - Венециатәи акомиссиа "адеолигарзизациа иазку" украинатәи азакәан аус адулара нанагӡоит ҳәа адырра ҳауит 09:56, 27.08.2022 Венециатәи акомиссиа Аӡырҩрақәа ирызку азакәанпроект иазкны хырԥашьа змам агәаанагарақәа аланарҵәеит 15:43, 24.03.2021 Венециатәи акомиссиа Алхратә закәанеидкылеи, "Аполитикатә аидҵарақәа ирызку" азакәани реиҭахәаҧшреи, апарламент арегламент ареформа амҩаҧгареи азы абжьагара ҟарҵеит 20:21, 29.01.2021 Венециатәи акомиссиа ахадеи акомиссиа амаӡаныҟәгаҩи Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиаҿы ақырҭуа делегациа ирҧылеит 21:24, 05.10.2020 Евроеидгылa aдәныҟaтәи aусқәa рмaҵзурa Қырҭтәылa Иреиҳaӡоу aӡбaрa aӡбaҩцәa рaлхрa иaдҳәaлaны aҳәaмҭa aлaнaрҵәеит 14:52, 03.07.2020 Ричaрд Бaрет – Азaкәaнҧҵaрa aгaнaхьaлa Қырҭтәылa aлхрaқәa рымҩaҧгaрaзы ихиоуп 14:03, 18.04.2019 Апaрлaменттә aиҳaрa «Азеиҧш aӡбaрaқәa ирызку» aзaкәaнпроект aҧсaхрaқәa aлaргaлеит 15:14, 16.04.2019 Ирaкли Кобaхиӡе иҳәaмҭaлa, aӡбaҩцәa рaлхрa иaзку aзaкәaнпроект иaдҳәaлaны Венециaтәи aкомиссиa aҟынтә ироуз aбжьгaрaқәaк иaзҧхьaгәaрҭaр ҟaлaп
https://1tv.ge/lang/ab/news_tag/venetciati-akomissia/
2024-02-27T14:27:12Z
<urn:uuid:a07ec48e-ddb0-42ba-9a30-7b5c59617e90>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.77
0.68
0.95
22
4,319
tlsh:T10C28CC917A00DF4FC8B3C0115691D9396CE1758BC215B230CED5BE70250642DDABCD03E9FDF85D1FB06E1915E161EB092A1AFCEA497D3FCA218612A41E3E64C9629837DADE
Имҩаҧысит Рауль Ҳаџьымбеи Аҧсны визит кьаҿла иааны иҟоу Аҩада Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа аминистр Лев Кузнецови реиҧылара. Аиҧылараан ирылацәжәан Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы 2015-2017 шықәсазтәи Аинвестициатә программа анагӡара азҵаарақәа. Лев Кузнецов Ахада аинформациа ииҭеит Урыстәылатәи Афедерациа аделегациа алархәны асоциалтәи анергетикатәи инфраструктура аобиектқәа рҭаара ала иҟаҵаз аихшьалазы. «Аҧыза-министр Артур Амқәаби ҳареи ҳаицәажәеит, ауааҧсыра рыҧсҭазаара ахаҭабзиара анырра азҭо ихадароу аобиектқәа (реиҭашьақәыргылараҟны) раамҭеихшара еиҳа ирҕәҕәаны ахылаҧшра аҳҭоит ҳәа», - иҳәеит Лев Кузнецов. Рауль Ҳаџьымба иаҵшьны иазгәеиҭеит, Аҧсны аганахьала, Аинвестициатә программа анагӡаразы аусурақәа рхацыркра ишазхиоу. «Хымҧада, арҭ аусурақәа рынагӡашьа даара хылаҧшра бзиа рҭахуп», - иациҵеит Ахада. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2190/
2024-02-29T07:33:29Z
<urn:uuid:e2872de9-67c7-431b-951d-2f4b7088c04c>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.84
0.83
0.95
12
2,438
tlsh:T1A18320419940CB8BD2B3C45ADA916F386CD1584A4672B661CE89F5B12246089EFFCC03E2FBF4198B74E71612D1227F106809BDEA697EABD7304201E13C3F78DC23A476C16E
https://sputnik-abkhazia.info/20190930/Asra-abla-ishashuazgy-asua-eibashtsa-Kyndy-aa-itank-shyrzhaz-1028517879.html Аԥсра абла ишҭаԥшуазгьы: аԥсуа еибашьцәа Кындыӷ аӷа итанк шԥыржәаз Аԥсра абла ишҭаԥшуазгьы: аԥсуа еибашьцәа Кындыӷ аӷа итанк шԥыржәаз Sputnik Аҧсны Аԥсны Афырхаҵа Зорик Ҷҟониа еиҭеиҳәоит Кындыӷ ақыҭа уахьналало игылоу ҳаӷацәа иртәыз, аха нас ҳаибашьцәа зымпыҵахалара зылдыршаз атанк аҭоурых. 30.09.2019, Sputnik Аҧсны 2019-09-30T14:07+0300 2019-09-30T14:07+0300 2019-09-30T15:49+0300 https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102851/72/1028517275_0:0:1992:1126_1920x0_80_0_0_c34efb65d3d264d42fe0f651b3e5b135.jpg Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 2019 Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Ажәабжьқәа ab_AB Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 1920 1080 true 1920 1440 true https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102851/72/1028517275_0:0:1792:1126_1920x0_80_0_0_49e813e674618f04d8ed79375174cc5a.jpg 1920 1920 true Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Sputnik Аҧсны ажәабжьқәа, аԥсны, aлерт ажәабжьқәа, аԥсны, aлерт Аԥсра абла ишҭаԥшуазгьы: аԥсуа еибашьцәа Кындыӷ аӷа итанк шԥыржәаз 14:07 30.09.2019 (ирҿыцуп: 15:49 30.09.2019) © Foto / Сырма АшубаАибашьраан аԥсуа еибашьцәа Кындыӷ ақырҭуа импыҵархалаз атанк © Foto / Сырма Ашуба Анапаҵаҩра Аԥсны Афырхаҵа Зорик Ҷҟониа еиҭеиҳәоит Кындыӷ ақыҭа уахьналало игылоу ҳаӷацәа иртәыз, аха нас ҳаибашьцәа зымпыҵахалара зылдыршаз атанк аҭоурых. Сырма Ашәԥҳа, Sputnik Аԥсны ҭыԥцыԥхьаӡа уааҭгылан уӡырҩыр, иҟалап адгьыл цәажәозар, ашьҭыбжь алыҩны иуанаҳәо рацәазар ҟалап. Ишырацәоу еиԥш, ҳабла иаҿахәҳәагоу аибашьра иадҳәалоу аҭоурыхтә хҭысқәа. Аԥсны араионқәеи ақыҭақәеи ирыҭаз ааха иахьагьы ашәахсҭа мӷьаӡацт, аҭоурых иадырганы ана-ара улаԥш иҵашәоит жәларык зегь ҳлахьынҵа зыдҳәалаз амаҭәарқәа рышьҭа. Матуаԥҳа: Аиааира амш сара сзы иҩынтә ныҳәоуп>> Убас еиԥш, Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан иҭахаз аибашьцәа рыхьӡала иргылоу абаҟа иназааигәараны игылоуп атанк, анаҩс инахыкшәа иблу аидарамҩангагатә машьына. Урҭ ирымоуп дара рхатә ҭоурых. Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы зху Кындыӷ ақыҭа ахадас иҟоу Зорик Ҷҟониа иаҳзеиҭеиҳәаз иахьа иқыҭа агәаны игылоу атанк усҟантәи аамҭазы рнапахьы ишааргаз атәи аибашьра адәаҟны изықәшәақәаз ахҭысқәа маҷымкәеи. © Foto / из личного архива Зорика ЧконияАԥсны Афырхаҵа Зорик Ҷҟониа Аԥсны Афырхаҵа Зорик Ҷҟониа © Foto / из личного архива Зорика Чкония Ари атанк аҩызцәа Кындыӷ хԥа-ԥшьба гылан, ари трассала иаауан. Уаанӡагьы аҷкәынцәа аминақәа ыҵаҵаны хтанкк ԥыржәахьан. Ари гранатамиотла еихсны иԥыржәеит ԥхынгәымзатәи ажәылараан. Усҟан ҳара ахырӷәӷәарҭаҿы ҳтәан, амҩаду ганк ҳгахьан, аконторақәа ахьгылаз ҳзымылбааӡеит, ҳҽынкыланы ҳтәан. Аԥшыхәра ҟаҵаны ртехника рыманы ихалеит ҳаӷацәа. Ианхала, "Леон иорден" занашьоу Витали Ҷҟониеи Гәылик Гогьиеи, дыԥсхьеит иара рыцҳа, игәарҭеит атанк. Гәылик раԥхьа аԥшыхәцәа шаауаз ибеит, даргьы рхы ус иудырбаӡомызт аха…", - дҳацәажәон Аԥсны Афырхаҵа Зорик Ҷҟониа. Ахәыҷи атанки - мап, ахәыҷреи аҭынчреи - ааи>> Ацәылашамҭаз ҳаӷацәа ргәы иҭаркыз анагӡара иашьҭан, аԥшыхәра амҩа ианын. Гәылик Гогьиа иҩызцәа иреиҳәеит шьоукы шибаз, ус атанкгьы аацәырҵит. "Атанк анцәырҵ, Мурман Харчлаа (Муха) рыцҳа, ибзианы дхысуеит рҳәан, идыркын, апехота ахысра иалгеит. Атанк иавагыланы иаауаз рацәаҩын дара. Атанк иақәгылаз апулемиот аҟынтәигьы ихысуан. Маҷк рҽанеиқәырк, Витали Ҷҟониа апулемиот ала ахысра далагеит, уи ала рызҿлымҳара игарц, нас ауп Муха атанк данеихс, иагьақәшәеит. Атанк данеихс, иаангылеит ԥхьаҟа имцо, даргьы ргәы каҳаит иаразнак. Чеченк дыҟан, "управляемый Аб-турс" иман, уигь аҭагылазаашьа ирҭан, деихсит, нас атанк амца акит, иҭазгьы ирлахьынҵахаз еилкаауп, аршьаҟауаагь иацыз шьҭахьҟа игьежьит", - атанк агара шыҟалаз ахҭыс ҳзеиҭеиҳәеит Зорик Ҷҟониа. Абасала, агәаӷьра злаз ҳаибашьцәа ирылдыршеит бџьарлеи техникалеи еиқәшәаз хаӷацәа рышьҭахьҟа ихьаҵыртә еиԥш аҟаҵара. Аԥсра абла ишҭаԥшуазгьы, ирылымшашаз рылдыршеит. Ас еиԥш иҟаз афырхаҵаратә хҭысқәа, хымԥада ҳиааира ааигәартәуан. Зыӡбахә ҳамоу атанк иадҳәалоу ахҭысқәаа реиԥш, ирацәоуп иӡыргатәу, иҭҵаатәу азҵаарақәа, уи ҳара иаҳуалԥшьоуп. © Foto / Сырма АшубаАтанк ишырблыз еиԥш игылоуп, еиҭашьақәдмыргылаӡеит, аиааира иргаз иасимволны иаанхарц Атанк ишырблыз еиԥш игылоуп, еиҭашьақәдмыргылаӡеит, аиааира иргаз иасимволны иаанхарц © Foto / Сырма Ашуба "Атанк шәны иҟарҵарц рҭаххеит, аха сара измуӡеит. Атанк ҳаӷацәа ртәакәын, ҳара зныкгьы аус ҳзаламуӡеит. Атанк иназааигәаны игылоуп амшьына "Урал", аҭоурых ду амоуп уигьы", - ҳәа азгәеиҭоит аибашьҩы. "Агәалашәара амҩала": Кындыӷ апартизантә гәыԥ аибашьцәа рфырхаҵара иазкны>> Аибашьра зегьы убри амашьынала акәын изланыҟәоз аибашьцәа. Дара изларҳәо ала, зныкгьы еиҵанамырхеит. 20-ҩык раҟара шақәтәазгьы, иааҳәхьан, аха разҟны аӡәгьы акагьы имыхьӡеит, зегь еиқәхеит. "Амашьына амазут ршны иҭаҭәаны иныҟәон, нас абри амандарина злархәышәтәуа ахәшәқәа ршны иҭаҭәаны ҳаланыҟәон, аибашьра зегьы рыцҳа абри амашьына ҳныҟәнагон, ахәцәа ныҟәнагон, ҳафатә-ҳажәтә, ҳамҿы, ҳажәлар агон-иаанагон, даара аҭоурых ду ацуп уи амашьына", - иҳәеит Зорик Ҷҟониа. © Foto / Сырма Ашуба Аибашьраан ахәцәа, аибашьцәа, афатә-ажәтә, амҿы уҳәа ныҟәызгоз, аџьабаа збаз аидарамҩангага машьына Аибашьраан ахәцәа, аибашьцәа, афатә-ажәтә, амҿы уҳәа ныҟәызгоз, аџьабаа збаз аидарамҩангага машьына © Foto / Сырма Ашуба Аибашьра аамҭазы Зорик Ҷҟониа напхгара аиҭон абаталион "Дамаск", аԥшьбатәи абаталион актәи аполк акомандаҟаҵаҩыс дыҟан. Уи еиднакылон хротак: Кындыӷаа, Ҭоумышьаа, Арасаӡыхьаа. Имариамызт ҳаибашьцәа Аиааирахь иназгоз амҩа, аха дара ирылдыршеит уи фырхаҵаралаҵәҟьа анысра. Кәыҵниа: ҳаԥсыргьы ҳанхаргьы, Аҟәаҟа ицоз амҩаду ауҳажьуамызт>> "Зегьы ҳзықәԥоз ҳаԥсадгьыл Аиааира азааҳгарц азакәын. Ас ирласынгьы ҳақәгәыӷуамызт Аиааира агара, аха ҳаибашьцәа ирылдыршеит. Ҳара Аиааира Ахалдаба ҳаԥылеит. Дҵас иҳаман цәыббрамзазы амҩақәа кны, Аҟәа ргаанӡа ҳнапаҿы иааҳгарц. Командаҟаҵаҩыс иҳамаз Борис Кьышьмариа адҵа ҳаиҭеит, Аҟәа ргаанӡа ҳаԥсыргьы-ҳанхаргьы амҩадуқәа аанаҳкыларц. Иара Аӡҩыбжьа аштаб ҟаиҵан, убра дыҟан. Кындыӷ, Тамшь уҳәа убас инкыланы ҳаауан, ана-ара иаҳцәыргақәеит, аҵыхәтәаны Кындыӷ ҳцәыргеит, нас зегь ҳаизеит, аҷкәынцәа аус ӷәӷәаны иадырулеит, алҵшәагьы ҟалеит", - ҳәа азгәеиҭоит Ҷҟониа. Зорик Ҷҟәаниа излаиҳәо ала, Аҟәа ҳнапахьы аагара ҳаналага, аӷацәа ирымаз зегьы ргәыдырҵо иалагеит. Ҳаҷкәынцәа хыԥсыра рбеит, атехникагьы маҷымкәа агара рылдыршеит. "Ҳхьааи ҳгәырӷьареи еицын. Ари аҩыза Аиааира анаҳба, ҩ-фронтк еиднакылоз аҷкәынцәа ҳанеиқәшәа, уи ажәала иузымҳәозар акәхап… Ҳаҷкәынцәа рхы зқәырҵаз пату ақәҵаны иныҟәаҳгароуп, ҳаилибаакалароуп. Аԥсҭазаара мариаӡам, аха зегь раԥхьа иргыланы иҳамоуп аҭынчра, убри ҳахӡыӡаароуп, ԥхьаҟа ҳаԥшыроуп", - ҳәа азгәеиҭоит Аԥсны афырхаҵа Зорик Ҷҟониа. Зорик Ҷҟониа иҭахуп аибашьра аҭоурых ишахәҭоу еиԥш иҭҵаазарц, зхы ӡырзымго, аха убри аан афырхаҵара аазырԥшыз ҳаибашьцәа рыӡбахә иалацәажәазарц, аибашьра аԥхьатәи амшқәа рзы аҽеидкылара зылзыршаз, анаҩс ахҭысқәа рҳәаақәҵара знапахьы иаазгаз ҳаҷкәынцәа хашҭра рықәымзарц, еизҳауа абиԥара аҭоурых иаша рдыруазарц. Аиааира амш ҳзаазгаз зегьы рҿаԥхьа ҳхырхәоит. Уи абара иахьымӡаз ргәалашәара ҳацуп. Наунагӡа Аԥсны! Наунагӡа Аиааира!
https://sputnik-abkhazia.info/20190930/Asra-abla-ishashuazgy-asua-eibashtsa-Kyndy-aa-itank-shyrzhaz-1028517879.html
2024-03-05T00:47:11Z
<urn:uuid:e0c88934-9976-45c3-be5a-63504bbc2d4e>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.9
0.67
0.92
51
12,574
tlsh:T127443B428A40CB8FC6F3D419DFD2863268D1694346627620CEC1F4B056461A8EFFCD239AFEE4169AB4DB0511D1A2BF503609FDFA593EABA3B19204A06C3F38CD169436C99F
Иманшәалоу аимадара Кешбек Асрақәа<br>рнапхгараҭара Ноль аныҟоу<br>алшарақәа Ароуминг Аинтернет<br>маҵзурақәа Ихарҭәаау<br>апакетқәа Агәырҿыхарақәа Агәыҳалалра Абонентцәа<br>рымаҵ аура Архиагақәа Аҧхьаӡаратә<br>усурақәа<br>рымҩаҧгара USSD Ахарҭәаара E-sim Аномерқәа рыдәқьан Амаҵзура ахьаҿаркуа Амаҵзура ҭыԥқәа Аҿакразы адокументқәа Оборудование Акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа Акорпоративтә маҵзурақәа Colocation Аопциа «Супер роуминг» Услуга «Продажа IP-трафика» Амаҵзура «Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа 150 минуҭ апакет» Амаҵзура «Апакет 20 минуҭ Урыстәылаҟа» USSD-амениу Супер АОН Аофистә номер Ибзоу ноль Амобилтә Интернет «Aquanet» аинтернет-пакетқәа SMS-пакетқәа Аномер аилыркааҿагыла АҞӘАФОН абонентцәа рзы ароуминг Шәара ишәзасуан Амаҵзуреи ацхыраареи А-SIM-карта аԥсахра Абоненттә номер аԥсахра Ахәхшәааратә план аԥсахра Аиқәшаҳаҭра даҽаӡәы ихьӡала аҟаҵара Аԥхьаӡара есымза детальла аарԥшра Есымзатәи аԥхьаӡара Аномер хатәгәаԥхарала аанкылара Абоненттә еиқәшаҳаҭра адокументқәа Оборудование Асаит ахсаала Хаҭалатәи аклиентцәа рзы Акорпоративтә хархәаҩцәа рзы Оборудование +7 940 999 99 99 Асаит ахсаала Русский Ахәхшәааратә планқәа Асмартфон азы Ателефон азы Аинтернет азы Асасцәа рзы Архивтә хәыхшәааратә планқәа Амаҵзурақәа Иманшәалоу аимадара Кешбек Асрақәа рнапхгараҭара Ноль аныҟоу алшарақәа Ароуминг Аинтернет маҵзурақәа Ихарҭәаау апакетқәа Агәырҿыхарақәа Агәыҳалалра Абонентцәа рымаҵ аура Архиагақәа Аҧхьаӡаратә усурақәа рымҩаҧгара USSD Ахарҭәаара E-sim Аномерқәа рыдәқьан Амаҵзура ахьаҿаркуа Амаҵзура ҭыԥқәа Аҿакразы адокументқәа Акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа Акорпоративтә маҵзурақәа Colocation Аопциа «Супер роуминг» Услуга «Продажа IP-трафика» Амаҵзура «Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа 150 минуҭ апакет» Амаҵзура «Апакет 20 минуҭ Урыстәылаҟа» USSD-амениу Супер АОН Аофистә номер Ибзоу ноль Амобилтә Интернет «Aquanet» аинтернет-пакетқәа SMS-пакетқәа Аномер аилыркааҿагыла АҞӘАФОН абонентцәа рзы ароуминг Шәара ишәзасуан Амаҵзуреи ацхыраареи А-SIM-карта аԥсахра Абоненттә номер аԥсахра Ахәхшәааратә план аԥсахра Аиқәшаҳаҭра даҽаӡәы ихьӡала аҟаҵара Аԥхьаӡара есымза детальла аарԥшра Есымзатәи аԥхьаӡара Аномер хатәгәаԥхарала аанкылара Абоненттә еиқәшаҳаҭра адокументқәа Ихадоу адаҟьа АҞӘАФОН АҦСНЫ АЗЫ Аспорт АҞӘАФОН АҦСНЫ АЗЫ Аҵара Аспорт Акультура Агәабзиарахьчара Ауаажәларратә ҵысрақәа, ассоциациақәа, аидгылақәа Аспорт Контактный центр +7 940 999 99 99 Аилахәыра АҞӘАФОН акыр шықәса раахыс активла аспонсорра рызнауеит аспорттә усмҩаҧгатәқәа. Иара Аҧсны еиуеиҧшым аицлабрақәа рымҩаҧгара афакт ахаҭагьы – зымҽхак дуу, ауаҩы игәы азҭазҵо акоуп амилаҭ ргәабзиара шьаҭас иамоу амассатә спорт аизҳара аус аҿы. Аилахәыра АҞӘАФОН ацхыраара рнаҭоит имаҷымкәа аспортә проектқәа, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп: Ашьапылампыл асразы Жәларбжьаратәи ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ртурнир «АҞӘАФОН АКУБОК» 2012 шықәсазы Аилахәыра АҞӘАФОН иаҧнаҵеит Ашьапылампыл асразы Жәларбжьаратәи ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ртурнир “АҞӘАФОН АКУБОК”. Раҧхьаӡатәи атурнир аҟныҵәҟьа уи аиндаҭлара рҽаладырхәит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рҟынтә акомандақәа фба. 2013 шықәсазы Атурнир дырҩегьых имҩаҧысит ҳтәыла аҳҭны қалақь аҿы. Усҟан уи еизнагеит жәа командак алахәцәа. Ачемпионра ахьӡ агара иазықәҧарц иааит акомандақәа: «Нарҭ» – ақалақь Аҟәа, «Динамо» – ақалақь Аҟәа, «Риҵа» – ақалақь Гәдоуҭа, Ақәыҧшцәа рыспорттә школ ҩны – ақалақь Гагра, «Лидер» – ақалақь Новороссиск, «Черноморец» – ақалақь Новороссиск, «Черноморец-2» – ақалақь Новороссиск, Афутболтә Клуб «Краснодар» – ақалақь Новокубанск, Афутболтә Клуб «Краснодар» – ақалақь Аҧшеронск, Ақәыҧшцәа рыспорттә школ ҩны – ақалақь Адлер. Аиндаҭлара аиҿкаара алыршан Аилахәыра АҞӘАФОНи Аҧсны ашьапылампыл асразы Афедерациеи русеицурала. Иҳәатәуп, ҳреспубликаҿы ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи рзы ашьапылампыл асра аизырҳара аус аҿы Аилахәыра АҞӘАФОН ари афедерациа шықәсыла ианаҭо ацхыраара атәы. ------------- Адомино асразы VIII Адунеитә Чемпионат VIII Адунеитә Чемпионат амҩаҧысра аҭыҧ ҳәа Аҧсны Аҳәынҭқарра шалырхыз атәы аинформациа анрыларҳәа ашьҭахь, абизнес-уаажәларра зегьы рҟынтә раҧхьаӡа АҞӘАФОН ауп ацхырааразы иҟаҵаз ажәалагала иақәҿызҭыз, зымҽхак акыр идууз ари апроект анагӡара аус аҿы адгылара шыҟарҵо ала. Жьҭаарамза 2011 шықәсазы Аилахәыра АҞӘАФОН ачемпионат Ихадоу партниорс иаиуит, аспонсортә лагалак аҳасабала 1 000 000 (миллионк) аҧара азоурыжьит. Уи инаҷыдангьы АҞӘАФОН иаҧнаҵеит “Еизгоу Аҧсны акомандаҿы иреиҕьу ахәмарҩы” изы аҧхьахә ҷыда (iPad). Уи анаҩсгьы, Аилахәыра АҞӘАФОН иахәҭаз маҭәахәыла еиқәыршәаны апресс-центр аҿы ишьақәнаргылеит хәыда-ҧсада Аинтернет. Адомино жәларбжьаратәи афедерациа алахәцәа рзы аус адуланы иҟаҵан ҷыдалатәи атарифтә план, урҭ зегьы ирзаахәан амобилтә телефонқәа. Аилахәыра ахахьы иагаз аусхкқәа зегьы ирыцкын Ачемпионат аинформациатә дгылара азура. Еиҿкаан АҞӘАФОН абонентцәа зегьы ирзырхаз аинформациатә SMS-нашьҭрақәа. АҞӘАФОН аусзуҩцәа рымчала иаҧҵан иҷыдоу асервис “Адомино-информ”. Уи аус ауан ачемпионат анымҩаҧысуаз аамҭазы, изаамҭанытәу атурниртә таблица аҭагылазаашьа адырраҿы аинформациатә напаҵаҩра арцыхцыхразы алшара ҟаҵо. ------------- Ашьапылампыл асразы Иаарту ачемпионат «Уԥеиԥш уара унапы иакуп!» 2010 шықәса раахыс ҳтәыла ахәыҷтәы ҩнқәеи ашкол-интернатқәеи рыбжьара «Уԥеиԥш уара унапы иакуп!» ҳәа зыхьӡу акубок агаразы имҩаҧысуа ашьапылампыл асразы Иаарту Ачемпионат алхратә еиндаҭларақәа еиҿкааҩысгьы спонсорсгьы ирымоу Аилахәыра АҞӘАФОН ауп. Аицлабрақәа мҩаҧыргоит қәрала иеихшоу агәыҧқәа рҿы: 1998-1999 2000-2001 шықәсқәа рзы ииз аҿар рыла. Аҟәатәии, Калдахәаратәии, Тамшьтәии, Цандрыҧшьтәии ашкол-интернатқәа рҟнытә акомандақәа бжьба есышықәса иазықәҧоит 2014 шықәсазы Олимпиатә хәмаррақәа раҳҭны қалақь Шәачаҟа ацара. Хаҭала убраҟоуп есышықәса иахьымҩаҧысуа аилахәыра МЕГАФОН еиҿнакаауа Ачемпионат афинал. Аицлабра аҧхьахә хада – Лондонҟа ацара, сасра афутболтә клуб «Арсенал» аҭаара. 2013 шықәсазы қәрала иеиҵбацәоу ргәыҧқәа рыбжьара ҧшьымш ицоз атурнир аҿы аиааира ргеит Калдахәаратәи ашкол-интернат ааӡаҩцәа. «Риҵа Калдахәара» Лондонҟа ацараҿы иаиааит. Ақәыҧшцәа рыблала ирбеит афутболтә клуб «Арсенал» абаза, аклуб атренер хада Арсен Венгери дареи еиқәшәеит, уаҟатәи ақәыҧшцәа ркомандеи дареи ашьапылампыл еицасит, аҭыҧантәи ахәыҷтәы зыҟаҵаҩцәа аус рыцыруит. Ачемпионат «Уԥеиԥш уара унапы иакуп!» аиҧш зеиҧшу ыҟаӡам. Иара аҧҵоуижьҭеи аашықәса рыҩныҵҟала уи ирегионалтәу асоциалтә проект аҳәаақәа ирҭысны афедералтә проект амҽхак аиуит. 2012 шықәсазы ахәыҷтәы ҩнқәеи ашкол-интернатқәеи рыбжьара «Уԥеиԥш уара унапы иакуп!» ҳәа захьӡу акубок агаразы имҩаҧысуа ашьапылампыл асразы Иаарту Ачемпионат апроект аиааира агеит «Акорпоративтә социалтә ҭакҧхықәра аганахьала ашықәс азтәи ахацыркра» аноминациаҿы. Иара убри адагьы уи аиҿкааҩцәа ирнаҭеит даара ҳаҭыр зқәу, жәларбжьаратәи афорум Peace and Sport аҧхьахә. АҞӘАФОН есышықәса аҧсҭазаара иаланарҵәоит ихымҧадатәиу аусмҩаҧгатәқәа зегьы, Аҧснынтәи акомандақәа алахәхарц азы зымҽхак акырӡа иҭбаау МЕГАФОН асоциалтә проект: имҩаҧнагоит Ачемпионат алхратә турнирқәа, еиҿнакаауеит аспортсменцәа Шәачаҟа рдәықәҵара, алхратә хәмаррақәа рҿы аиааира згаз аспортсменцәа зегьы ирнаҭоит аспорттә хәмарратә шәҵатәы. ------------- Ашахматтә Турнир «АҞӘАФОН-ОРЕN» Аилахәыра АҞӘАФОН Аҧсны ашахматтә Федерациеи ҳтәыла аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә комитети 2010 шықәса раахыс еицымҩаҧыргоит ашахматтә Турнир «АҞӘАФОН-ОРЕN». Аицлабрақәа мҩаҧысуеит есышықәса мшаҧымзазы, Аҟәа ақалақь, А. Карпов ихьӡ зху ахәыҷтәы шахматтә школ ахыбраҿы. Аҧсны зегьы аҟынтәи араҟа еизоит аицлабра алахәцәа реиҧш, хыҧхьаӡара рацәала ҳҳәынҭқарра асасцәагьы. Уажәшьҭа шықәсыкым ари атурнир рҽаладырхәуеижьҭеи жәларбжьаратәи акласс аҩаӡара змоу аҟаза Т. Асанов, аветеранцәа рыбжьара Урыстәыла ачемпион В. Жуков реиҧш иҟоу асасцәа дахьқәа. Есышықәса рхыҧхьаӡара иазҳауеит аиндаҭлара алахәцәа. 2010 шықәсазы урҭ рхыҧхьаӡара 50-ҩык маҷк инахыҳәҳәозар, 2011 шықәсазы атурнир иалахәын 62-ҩык ахәмарцәа, 2012 шықәсазы урҭ рхыҧхьаӡара 74-ҩык рҟынӡа инаӡеит, аҵыхәтәаны, 2013 шықәсазы уажәшьҭа 80-ҩык ыҟан. Аиндаҭлараҿы аиааира зго есышықәса акубокқәеи, амедалқәеи, аҳаҭыр шәҟәқәеи ирҷыдангьы, аспонсор Хада иҟынтә ироуеит аҧаратә ҳамҭақәагьы. ------------- Атеннис ду азы Жәларбжьаратәи атурнир «Гагратәи амшын» Аилахәыра АҞӘАФОН спонсор Хадас иамоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы еиҿнакааз атеннис ду азы Жәларбжьаратәи атурнир «Гагратәи амшын». Раҧхьаӡа акәны уи атурнир архәмарра мҩаҧысит 2009 шықәса, лаҵарамзазы. Уи аахыс ари аспорттә хҭыс амҽхак иаҳа-иаҳа иҭбаахеит, иаиуит хыҧхьаӡара рацәала азҿлымҳаҩцәа. ------------- Ашьапылампылтә клуб «Нарҭ» аспонсортә Хадара 2005 шықәса инадыркны Ахеидкыла АҞӘАФОН ашьапылампылтә клуб «Нарҭ» сонсор Хадас иамоуп. Уи аспонсорра азнауеижьҭеи «Нарҭ» фынтәны Ачемпионтә титул иаҧсахахьеит – 2005, 2007, 2008, 2009, 2011, 2013 шықәсқәа рзы, хынтә ианашьан араӡны ҧхьахәқәа – 2006, 2010, 2012 шықәсқәа рзы, 2010, 2014 шықәсқәа рзы Иреиҳаӡоу акубок агеит. АҞӘАФОН аспонсортә Хадара иабзоураны Аҧсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҿы есышықәса имҩаҧыргоит ирацәаны аицлабрақәа – жәларбжьаратәиқәа реиҧш ареспубликатәиқәагьы. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп: ------------- Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира амш инақәыршәаны, «Аиааира Акубок» зыхьӡу арҧарцәеи аҭыҧҳацәеи рыбжьара асамбо азы есышықәсатәи Жәларбжьаратәи аиндаҭлара. Уи ачемпионат еиҿнакаауеит асамбои аӡиудои р-Федерациа, Аҧсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә комитети, иара убас аҿари аспорти русқәа рзы Аҟәа ақалақьтәи Акомитети рыцхыраарала. ------------- 2012 шықәсазы Аҟәа ақалақьи Ареспубликатә стадион аҿы имҩаҧгаз Аҧсны еизгоу амилаҭтә командеи Краснодартәи Ашьапылампылтә Клуб «Ҟәбинеи» рыбжьара Жәларбжьаратәи аматч. ------------- «Ахәыҷы имш» зыхьӡны, 2012 шықәсазы ҧхынгәы 17 инаркны 23 рҟынӡа Аҟәа ақалақь аҿы имҩаҧысуаз, амҵәышәмпылтә еиндаҭлара. Уи ахаҧшьгаҩыс иҟан амҵәышәмпылтә клуб «Сухум». Аиндаҭлара иалахәын Аҧсны ақалақьқәа рҟынтә акомандақәа, иара убас Алада-Уаҧстәылантәи асасцәа. ------------- 2011 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаҧган акарате азы Жәларбжьаратәи аиндаҭлара «Ешитаки Фунакоши акубок». Уи атурнир аҳәаақәа ирҭагӡаны Жәларбжьаратәи Афедерациа апрезидент Альберт Боутбоул (8-тәи адан, Франциа) инапхгарала имҩаҧысит Карате до Шотокан Казе Ха иазкны жәларбжьаратәи асеминар. ------------- 2006 шықәса рзы АҞӘАФОН иҟанаҵаз аспонсортә цхыраарала Аҧсны раҧхьаӡа акәны имҩаҧысит Жәларбжьаратәи ачемпионат. Уи контакттә нагӡала ишьақәыргыло напышьашәалатәи ақәҧара «Евразиа» акәын. ------------- Аҧсны раҧхьаӡатәи амобилтә еимадара ацхыраарала имҩаҧгаз ареспубликатә еиндаҭларақәа рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп 2011 шықәса, лаҵара мзазы имҩаҧысыз, Саид Блабба ихьӡ зху абокс азы атурнир. Уи алахәцәа реиндаҭлара мҩаҧыргеит АҞӘАФОН 2006 шықәсазы иаахәаны, Аҟәатәи абокстә школ ҳамҭас ианаҭаз аринг аҿы. ------------- Иара убас, АҞӘАФОН аҧара рырҭеит Аҧсны Аҳәынҭқарра абокс асразы иеизгоу акоманда, уи жәларбжьаратәи ачемпионатқәа рҽалархәразы апрофессионалтә боксиортә маҭәа акомплект харҭәааны излаархәаша аҧара. ------------- Абҵара мза, 2010 шықәсазы Аилахәыра АҞӘАФОНи, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки еилахәны, иара убас зхы иақәиҭу ақәҧараҿы адунеи ачемпион Денис Царгәыш хаҭалатәи иалахәхарала иалдыршеит зхы иақәиҭу ақәҧаразы ареспубликатәи еизгоу акоманда азы Аҧсны Аҳәынҭқарра асимволика зынҵаз аспорт маҭәа аахәара. ------------- АҞӘАФОН ишьақәнаргылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Апрезидент Владислав Арӡынба ихьӡала, 1992-1993 ш.ш. азтәи Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира амш инақәыршәаны имҩаҧысуа «Аҧсны аҽырыҩратә спорт азы иаарту ачемпионат» аҿы иаиааиуа аспортсмен изы аҧаратә ҧхьахәы. Ари Ачемпионат ахаҧшьгаҩцәас иҟоуп Аҧсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аҧсны аҽырыҩратә спорт Афедерациеи. Абар уажәшьҭа хышықәсоуп ари ачемпионат Аҧсны аҭоурыхтә ҭыҧ хадақәа ҩба – Гәдоуҭатәи араионаҿы – Лыхнашҭеи, Очамчыра араионаҿы – Мықәашҭеи рҟны инеиҧынкыланы аҽҟазаратә еицлабрақәа мҩаҧыргоижьҭеи. АҞӘАФОН акәзар, ҧсахрада ари аҧхьахә аспонсорра азнауеит. ------------- АҞӘАФОН изныкымкәа аҧара рырҭахьеит аҧсуа спортсменцәа еиуеиҧшым аспорт хкқәа рыла жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҿы рықәгыларақәа реиҿкаара аус азы: 2012 шықәсазы А. Д. Џьапуа ихьӡ зху Драндатәи абокстә школ иаҭан аҧара Аҧснытәи аспортсменцәа Адлер имҩаҧысуаз Асоветтә тәыла афырхаҵа М.К. Нагулиан игәалашәара иазкыз абокс азы жәларбжьаратәи аицлабра рҽалархәра аиҿкааразы. ------------- 2012 шықәса, лаҵара мзазы акарате азы еизгоу амилаҭтә команда иаҭан афинанстә цхыраара, уи Зеленоград имҩаҧысуаз Шотокан ала Адунеизегьтәи Ахәмаррақәа рышҟа ашьҭразы. Уахь Аԥсны ааҧхьара аман хаз тәылак аҳасабала, ахатә бираҟ иаҵагыланы иқәгыларазы. ------------- АҞӘАФОН иҟанаҵаз ацхыраара абзоурала, 2010 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра еизгоу ақәыԥшцәа ркоманда ирылшеит “Тамбовский волчонок” зыхьӡны Тамбов имҩаҧысуаз Киокусинкаи ала Ашықәс ҿыц азтәи Иаарту ахәыҷтәы турнир аҽалархәра. Уаҟа Тамбов ақалакь ахада иаҧхьахәқәа ргаразы еицлабуан қәрала еихшаны 11-12-еи, 12-13-еи шықәса зхыҵуаз аҷкәынцәеи аӡҕабцәеи. ------------- АҞӘАФОН аспонсортә цхыраара иабзоураны, 2009 шықәса раахыс акыр шықәса инеиҧынкыланы ашколхәыҷқәа рыбжьара амҵәышәмпыл асразы еизгоу Аҧсны акоманда аҽаланархәуеит Ростов ақалақь аҿы имҩаҧысуа Урыстәылатәи ачемпионат “Локомотив ашколтә Лига”. ------------- АҞӘАФОН иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны, Аҧсны аветеранцәа рымҵәышәмпылтә клуб иалоу аспортсменцәа алшара роуит 2006 шықәса, ҧхынгәы мзазы Причерноморие ақалақь аҿы имҩаҧысуаз IV Жәларбжьаратәи аиндаҭлара алахәхара. ------------- 2006 шықәса, лаҵара мзазы АҞӘАФОН афинанстә цхыраара ду анаҭеит Аҧсны Аҳынҭқарра адомино Афедерациа. Уи ацхыраара иабзоураны Аҧснытәи аспортсменцәа рделегациа алшара роуит Венесуела имҩаҧысуаз адомино азы Адунеитәи Ачемпионат алахәхара.
https://aquafon.com/for-abkhaziya/2658/?language=ab
2024-02-26T20:26:06Z
<urn:uuid:054dcd35-2d1d-4fef-9571-d564b3836bba>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.88
0.78
0.98
100
24,874
tlsh:T12F8C01B28C44CB4BC5B7C058CAD28E395DD0681742227630CED9B574120205CFFFCD12AAF6EC1A8A74DB1122D121FA119E4EFDD928BDBFE7715304616E2F78EA2BA436D69E
Аинформатизациа Аусбарҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат Хада иатәу структуратә хырхарҭоуп. Ари аусбарҭа ауснагӡараан изықәныҟәо акәны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә закәанҧҵареи, аҳәынҭқарра амчра зныҧшуа егьырҭ анорматив-зинтә актқәеи, ашәахтәқәареи, афинансттә-нхамҩеи, аусҧҟақәеи, аинструкциақәеи адҵаҧҟақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалоу. Аинформатизациа Аусбарҭа инанагӡоит анаҩстәи ауснагӡатә хырхарҭақәа: – Ашәахтә усбарҭақәа ринформациа-техникатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра, аинформациа-телекоммуникациатә технологиа ҿыцқәа ралагалара, амазаратә ҭагылазаашьа аиҕьтәразы. – Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрразы автоматтә информациатә система ашьақәыргылара, алагалара, алыршара. – Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра автоматтә информациатә система архитектура амодернизациа азура. – Ашәахтә информациа автоматтә усадуларазы атехнологиақәа рышьақәыргылара (аинформациа адкылареи, аҭареи, аусадулареи, ахьчареи ирыдҳәаланы). – Ашәахтә усбарҭақәа русура акоординациа азура, автоматтә информациатә системақәа руснагӡараҿы. – Ашәахтә информациа амаӡақәа ишақәнагоу рыхьчара, аконфиденциалра зныҧшуа аинформациа аиқәырхара, иара ишаҟазшьоу еиҧш. – Ашәахтә усбарҭеи ашәахтәшәаҩцәеи рыбжьара қәҿиара реимадара алзыршаша аинформациатә системақәа раҧҵара, аус друра, алҵшәақәа наӡааӡақәа рыҭара аинфокоммуникациатәи аелектронтәи технологиақәа рыла.
https://mns-ra.org/ab/central/informatization/
2024-03-03T06:41:33Z
<urn:uuid:79b9df1c-9f25-49dd-a5d2-ac2ec2013325>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
10
2,559
tlsh:T1127FD5512800DB6BC073C15881C39E3A18D2651B8161F530CEC4F5B01A92049CBBCC13FFFAF51C8578AB0611C256BF595A1AFED9657A2AD3B14241601E2D7CF822F5B6DBDD
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит алхрақәа рыҟны ижәгаз аиааира. Ҭырқәтәыла еиҿкаау аҧсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа еиҳабыс шәахьалырхыз, ииашоу ӡбамҭоуп ҳәа сахәаҧшуеит. Шәара аҭакҧхықәра ду зцу амаҵзура аныҟәгара гәрагарала шәнапы ианырҵеит. Агәыӷра сымоуп, шәдырреи шәҧышәеи ирыбзоураны, ҳдиаспореи ҳареи ҳаигәныҩра арӷәӷәара шшәылшо, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ҭырқәтәылатәи Ареспубликеи реизыҟазаашьа амҽхак арҭбааразы ишәылшо зегьы шыҟашәҵо. Аҧсны инхо аҧсуааиҬырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуааи реимадара аԥхьаҟагьы арҿиара аус дуӡӡа қәҿиарала анагӡара анцәа ишәаҭәеишьааит! Аҧснынтә асалам ду шәзынаҭиуа, ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, агәамч, шәнапы иану аус ҧшьа аҟны аихьӡарақәа! Шәҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны шәбара ҳаигәырӷьоит!". Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16095/
2024-02-28T09:50:41Z
<urn:uuid:66e0677f-ba29-493c-b17f-9b5c57526f3e>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.83
0.83
0.95
12
2,233
tlsh:T191367F41AF80D78BD6B3C49ADB525E3A68D0240647517660DECDF1B11782199EBFCC13A6FBD5050BB4D71521C162BF14AC4DFDE728BDA2D3705244612C3FBCD823A439C16E
Еммануель Макрон арегионқәа рнапхгаҩцәа адҵа риҭеит арадикалтә хаҿқәа ирызку адыррақәа аус рыдуларц - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Еммануель Макрон арегионқәа рнапхгаҩцәа адҵа риҭеит арадикалтә хаҿқәа ирызку адыррақәа аус... Иҵегь аҭагалара Еммануель Макрон арегионқәа рнапхгаҩцәа адҵа риҭеит арадикалтә хаҿқәа ирызку адыррақәа аус рыдуларц 13:36, 16.10.2023 Франциа ахада Еммануель Макрон арегионқәа рнапхгаҩцәа адҵа риҭеит арадикалтә хаҿқәа зегьы ирызку адыррақәа аус рыдуларц, ҷыдала ирзааҭгыларц кавказтәи ахылҵшьҭра змоу ахаҿқәа. Францызтәи аихқәа ишаарыцҳаз, Франциа ахада идҵаны иқәиргылоит “ацәымӷареи атерористтә идеологиеи ныҟәызго зегь рганахьала ахьамҵра аарԥшра”. Франциа ахада Еммануель Макрон идҵала, апрефектурақәа арадикализациа аҿагыларазы аиԥыларақәа мҩаԥыргароуп аполициеи, ажандармериеи, аӡбарҭеи аԥшыхәреи рхаҭарнакцәа рҟны. Агәаҭарақәа хықәкыс ирымоуп арадикалтә хаҿқәа зегьы ирызку раарԥшреи, Франциантә ркарцреи. Франциа ахада Еммануель Макрон Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Џьеральд Дарманин адҵа ииҭеит ҷыдала иахылаԥшырц кавкахтәи ахылҵҽьҭра змоу, 16-25 шықәса зхыҵуа агәыԥқәа рхаҭарнакцәа. Жьҭаара 13 рзы Франциа, Арас ақалақь аҿы чечентәи ахылҵшьҭра змлу Моҳамед Могоучков алитература апрофессор Доминик Бернар дишьит. АДУНЕИАҾЫ Макрон Фрaнциа 5 Еиҧшу Афранцыз медиа – Франциа аиҳабыра аотриад ҷыдеи арратә хәҭақәеи Украина аҳәаа ахысра азин рыҭара алшара иахәаҧшуеит Еммануель Макрон - Мраҭашәаратәи тәылақәа Украинашҟа ар рышьҭразы аконсенсус ирымаӡам, аха наҟ-наҟ иҟало аӡәгьы издырӡом Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Киев дыҟоуп Франциа аԥыза-министр Елизабет Борн лнапынҵақәа шьҭалҵеит Франциа апарламент аимиграциатә политика арџьбара иазку азакәан шьақәнарҕәҕәеит Ахада Ладминистрациа - Саломе Зурабишвили "Парижтәи аҭынчра афорум" аҽалархәразы Франциаҟа ддәықәлеит Франциа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр - Иҳыҩсыз мызкы ала иԥырҟәҟәаан антисемиттә 1100 инцидент Германтәылеи Франциеи рыцҳаражәҳәаҩцәа еицыҟарҵаз ааҧхьара - Қырҭтәыла иҟоу аполитикатә мчқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит хықәкык азы рҽеидкыланы, уи анагӡаразы аус еицырурц Амш зеиҧшрахо 12° ашә Қaрҭ аҩ 15° Ах 16° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мака Боҷоришвили Европарламент аҿы аиԥыларақәа лыман Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, Ҟрымтәи адгьылбжьахабжьа аганахьала адронқәа рыла ажәылара мҩаԥган, урыстәылатәи аҳирхьчаратә мчқәа 38 дрон карыжьит Ингушетиатәи ақалақь Карабулак кыаамҭалатәи бџьаршьҭыхлатәи аидыслара ашьҭахь, иршьит фҩык аибашьцәа Афермерцәа рпротест амзызла, Украинеи Польшеи рҳәааҿ иҟоу оужьҭратә пунктқәа зегьы аибаратә машьынақәа рзы аркуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/emmanwel%D1%8C-makron-aregionqa-rnapxgauitca-adca-ri%D2%ADeit-aradikalt-xatchvqa-irmzkw-admrraqa-aws-rmdwlartc/
2024-03-04T04:35:59Z
<urn:uuid:2971566d-5dda-4041-8775-c543e959da1b>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.6
0.95
48
5,113
tlsh:T18AF69EB16940CB0BD273C4989AA1C9360CC1794B8225B175CED5F47135425ACDFFCD22EAF9FD098AA0AB1552E152BF112B0AFCDA297DBFCB219640A02D3F34D9279876D69E
Аҟәа ақ. аҿы иҟоу асасааирҭа «Риҵа» - ари асасцәеи атуристцәеи зегьы раасҭа бзиа ирбо ҧсшьарҭа ҭыҧуп. Ҩнымаҭәа хыркыла ирхиоу ари асасааирҭа егьырҭ ирылукаауеит аамҭа иақәшәо иҟоу астиль ала, амаҵзура ҳараки, аномерқәа ринтериери рыла, иара убас, зегьы раасҭа ихадароу – уи иманшәаланы, аидеалра зныҧшуа иҟаны иазылху аҭыӡҭа ҭыҧ ауп. Асасааирҭа «Риҵа» ҭоурыхла ибеиоу аҧшаҳәаҿы игылоуп, ҩ-минуҭк рыла уазнеиуеит иҧшӡаӡа, иҧхаӡа иааҧшуа амшын. Иззымдыруа шәзы – Амҳаџьырцәа рыҧшаҳәа – ари Аҟәа апроменад Хада ауп. Амҩа зегьы аҵиаа лыҧшаахқәа рыла иҭалаҳауп: аевкалиптқәа, аҧсақәа, аолеандрақәа. 1914 ш. азы асасааирҭа аргылара иалгеит, аҧшаҳәагьы уи ашықәсан иаҧҵан – арҭ, ииашаҵәҟьаны, аҭоурых ду змоу ҭыҧқәоуп, иаҭаауагьы иара зыҧсоу ахәшьара ду арҭоит. Аҳәара уадаҩуп, раҧхьа зыӡбахә ҳәатәу – Аҟәа аҭыҧ лыҧшаах ҷыдақәа ракәу, мамзаргьы иара асасааирҭа ахаҭа аӡбахә акәу, избан акәзар, иара асасааирҭа ахаҭагьы илҧшааху аҭыҧ ҷыдақәа рахь иаҵанакуеит. Ари акыр зхыҵуа, хҧаны еихагылоу хыброуп. Иара аҩныҵҟа иҟоуп иахьатәи аамҭазы зыҧсшьара аамҭа зхызго зыда ҧсыхәа имам зегьы: аинтернет-кафе, азлара акафе, европатәи амилаҭтәи ҭхаџьырҭа ҭыҧқәа. Падрабязней... Аҟәа ахаҿырбага ҭыҧ ҷыдақәа Аҧсшьара аамҭа аилашымҭа. Дасу игәабзиара аиӷьтәразы, иҧсшьара ишахәҭоу ахгаразы дахьцаша дазхәыуеит. Зны заҵәык адамхаргьы Аҟәа иаҭааз, даҽаџьара ацара уаҳа деиламауа дҟалом. Уи зыбзоуроу аҳауа џьашьахәи, иҧхаӡа иҟоу амшынӡи, афатә хазынақәеи рымацара ракәӡам. Аҟәа беиоуп иџьашьахәу ахатәы ҭыҧ ҷыдақәа рыла. Ақалақь агәадура – Аботаникатә баҳча Ақалақь агәҭаны инашьҭуп аботаникатә баҳча, уи ахьӡ-аҧша Кавказ аҳәаақәа ирҭыҵуеит, иара аҵиаа лыҧшаахқәа рыӡбахә Европа инаӡахьеит. 5 нызқь хкы иреиҳаны ара изызҳауа адунеи зегьы аҟнытә еизгоу аҵиаақәа рбарц азы арахь иаауеит хыҧхьаӡара рацәала мраҭашәарантәи атуристцәа. Аҧсны иаҭаауа зегьы неиуеит ирбарц азы 160 шықәса инеиҳаны изхыҵуа ари Аботаникатә баҳча. Аҟәа азҧагьоуп 250 шықәа ара изызҳауа Кавказтәи аҭәаҵла ала. Аботаникатә баҳча бзианы ирдыруеит аҳәаанырцәтәи асасцәагьы, убри аҟнытә екскурсиак аҳасабала еиуеиҧшым атәылақәа рыҟнытә арахь иаҭаауеит атуристцәа. Падрабязней... Аҟәа иҟоу асасааирҭа «Риҵа» - ХХ ашәышықәса алагамҭазтәи Аҧсны асимвол Аҟәа аҧшаҳәа хадаҿы игылоуп асасааирҭа «Риҵа». Ахыбра ахатәы ҭоурыхтә легендақәа амоуп, уи уаанӡатәи Аҟәа ахаҿра ҳзырбо асахьаҭыхыҩцәа, акомпозиторцәа, ашәҟәыҩҩцәа рмуза аазыртуаз сасааирҭаны иҟан, ара иаанҿасхьан имаҷымкәа еицырдыруаз ауаа. Асасааирҭа изныкымкәа ахьӡ аҧсаххьеит, иара убас аҧшәмацәагьы, ус егьа иҟазаргьы, уи ахьӡ еснагь иадҳәалан амшын аҧшаҳәаҿы аҧсшьарҭа бзиаӡа. «Риҵа» аромантикала иҩычоуп, асасааирҭа адәахьтәи аҧшра, архитектура лыҧшаах Аҧсны зегьы реиҳа иҧшӡоу хыбраны иҟарҵоит. ХХ ашәышықәса иамаз ахыҧша иахьагьы ирнубаало иҟоуп здаҟам апартаментқәа, иамаз ахыҧша ду атәы рҳәоит еиқәханы иҟоу архитектура ахәҭақәа. Ахыбра шкәакәа амра шәахәа аҽылаҳәаны аҽакәабошәа ауп ублаҿы ишааиуа. Падрабязней... Аҧсны зегьы раасҭа аромантика зныҧшуа асасааирҭа! Асасааирҭа «Риҵа» - Аҧсны зегьы реиҳа иҧшӡоу, аромантика зныҧшуа сасааирҭоуп. «Риҵа» аартын 1914 ш. азы, убри инаркны иҟалеит иара Аҟәа ахаҿра иасимволны, иахьагьы еиқәханы иҟоуп 20-тәи ашәышықәсазы иамаз аиҿкаашьа лыҧшаах. 2014 шықәсазы асасааирҭа иазгәанаҭоит шәышықәса ахыҵра. Ари аиубилеи инамаданы, сынтәа, есымза асасааирҭа ахолл аҿы имҩаҧыслоит еицырдыруа аҧсуа асахьаҭыхыҩцәеи афотоҭыхыҩцәеи русумҭақәа рцәыргақәҵа. Абас, мшаҧымзазы, ара еиҿкаан зҟыбаҩ бзиоу аҧсуа фотограф Ибрагим Ҷкадуа ифотоцәыргақәҵа «Модерн». Афотопроект шьаҭас иазыҟалеит «Модерн» астиль ала иаҧҵоу Русудан Кобиакова иаҧылҵаз аҳәса рышәҵатәы аколлекциа. Ибрагим Ҷкадуа зеиӷьаҟам ифотоҭыхымҭақәа Модерн астиль ала иаадыртуеит убла хнакратәы иҧшӡоу адунеи.
https://ritsa-hotel.com/abh/azh-abyzh-a
2024-02-28T11:53:08Z
<urn:uuid:a19c9d2f-a213-4c4f-b8c0-7a8d7315ed66>
[]
[]
abk-Cyrl
0.99
1
0.99
15
6,829
tlsh:T1933C2AE1BD80CF4FC6B3C085CB824E3128D1195643237260CEC6F07665450A9FAFCD129AFAED0646A4DF5522D226BF15B94AFCFA24BDAEE7319240A13D3F64DD13A439D69E
Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» еснагьтәи апроект «Аԥеиԥш» аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳаҭааит Очамчыра араион, Кәтол ақыҭа инхо, ахшара рацәа змоу Коӷониаа рҭаацәара. Аҭаацәа реиҳабы –абду Андреи Коӷониа, иԥшәмаԥҳәыси, иԥеи, иҭацеи фҩык ахшара рааӡоит, хҩык аҷкәынцәеи, хҩык аӡӷабцәеи: Анастасиа, Софиа, Данила, Аинар, Илиа, Еснаҭ. Зегь иреиҳабу илхыҵуеит жәашықәса, зегь иреиҵбу ԥшьышықәса. Урҭ рахь хәҩык ашкол ахь иныҟәоит. Ахәыҷқәа аҵара бзианы ирҵоит. Ашколтә маҭәарқәа зегьы рҟнытә зегь раасҭа бзиа ирбоит аҳасабра. Мызкы аԥхьа, Кәтол ақыҭа ахада Вахтанг Кәарацхьелиа «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аусбарҭахь аҳәара ҟаиҵеит змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау, ахшара рацәа змоу Коӷониаа рҭаацәа ацхыраара рыҭазарц. Апроект « Аԥеиԥш» аҳәаақәа ирҭагӡаны афонд ахь иҟаҵаз аҳәара иахаҵгылеит. Аҭаацәа рҭахрақәа еилкааны, афонд ахьӡала ирызнаган еиуеиԥшым абзазаратә маҭәахәқәа: аӡәӡәага машьына, аҩнырԥхагақәа, агаз-фымцатә плита, амҿтәы ԥечка, аӡы зҭарҭәо абак, атрансформатор, иара убас абзазараҿы рхы иадырхәо амаҭәарқәа имаҷымкәа. Ахәыҷқәа ирызнагаз аҳамҭақәа даара иреигәырӷьеит. Агәыӷра ҳамоуп аҭааҵәа ирыҭаз аҳамҭақәа рыбзазараҿы акыр ирыхәап ҳәа. Аҭаацәа реиҳабы Андреи Коӷониа иганахьала ҭабуп ҳәа реиҳәеит «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахада Сонер Гогәуа аԥхьа днаргыланы, иар убас афонд ахаҭарнакцәа зегьы, ахшара рацәа змоу аԥсуа ҭаацәарақәа рзы иҟарҵо ацхырааразы.
http://fondapsny.org/ab/aproekt-aeish-ausura-iacnattseit-ktol-akyta
2024-02-21T12:22:12Z
<urn:uuid:bc26e9ac-96d4-43d7-af0a-623402332c49>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
5
2,530
tlsh:T1456B6E517B81DF8BD573D005CAC24D361CC16C03922662258FC9F4B661850A9FAFDC13EAB6F9068924AB111AE165FD51A609FCFDA97C7BD7319300A16D3F39CD136835D99E
Павел Ҳерчински - Қырҭтәыла авице-аҧыза Евроеидгыла 27 ҳәынҭқаррақәа рыхьӡала иаҳҳәеит Урыстәылаҟны ишиашо аҧыррақәа рыдкылара иазку Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ҳшаргәамҵуа 19:32, 07.05.2023 Павел Ҳерчински - Европа амш иазгәаҳҭоит, Қырҭтәыла ари амш европатәи аперспективала аԥылоит, ари идуӡӡоу ақәҿиароуп 10:50, 24.04.2023 Павел Ҳерчински - Гварамиа ашьауӷа ихыхра ахада илыӡбароуп, лара ашьауӷа ахыхра аӡбара адкыларазы аконституциатә зин лымоуп 10:36, 24.04.2023 Павел Ҳерчински Кезерашвили иус азы - Иарбанзаалак изакәаным аусзуразы аусԥшаара мҩаԥгатәуп, азакәандара изхароу зегьы азинӡбара аԥхьа игылароуп 16:36, 19.04.2023 Илья Дарчиашвили Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иҭеит арҭбаара апакет аҳәаақәа ирҭагӡаны еиқәыршәаз раҧхьатәи аҳасабырба 17:27, 06.04.2023 Павел Ҳерчински - Евроеидгыла Амшын Еиқәа аҵантәи акабель апроект адгылоит 12:40, 04.04.2023 Павел Ҳерчински - Акандидат статус аиураҿы аполитикатә мчқәа инарыгӡо апрогресс иадҳәалоуп 12:04, 04.04.2023 Павел Ҳерчински - Қырҭтәыла Евроеидгыла шалало, ари Қырҭтәыла ахырҳага ду шазаанаго сақәгәыӷуеит 19:33, 01.03.2023 Павел Ҳерчински – Атәым агентцәа ирызку аинициатива Евроеидгыла анормақәеи апринципқәеи ирышьашәалам, апарламент ахантәаҩы уи иаҳҳәеит 10:52, 15.12.2022 Павел Ҳерчински - Михаил Саакашвили 21-тәи ашәышықәсазы иусӡбара алахәызаара азин ирҭап ҳәа сгәыҕуеит 14:10, 08.12.2022 Павел Ҳерчински - Қырҭтәыла Евроеидгыла амҩала ирласны аныҟәара шалшо гәык-ала сгәыӷуеит, ақырҭуаа аҩныҟатәи рыдҵа наргӡеит 12:27, 24.11.2022 Павел Ҳерчински - Азинӡбаратә система зхы иақәиҭу апрофессионалтә ҟалароуп, ари шыҟарҵо ақырҭуаа рхала ирыӡбароуп
https://1tv.ge/lang/ab/news_tag/pavel-herchinski/
2024-02-28T09:17:33Z
<urn:uuid:0b71413e-0cdd-479a-aae3-ffe20fae637d>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.75
1
16
2,826
tlsh:T1D18F23517B00CB0BD573C2559B804B366CD2E44B8662B261CEE5B8611707048EFFCD0395BEF8088E306B1A12D3637F1551299DE758FEFADBB14245B45D3E29DA2B9434CEEE
Абарҭ агәалашәаратә алахьеиқәҵаратә амшқәа рзы Аҧсны иқәынхо ааӡаб ду зхызгаз аерман жәлар шәышҟа схы нарханы исҳәарц сҭахуп, адунеи зегьы зырхыџхыџыз ахҭыс хлымӡаахқәа ирылаӡыз аерман жәлар рыхьӡала шәхьааи шәгәырҩеи шшәыцеиҩаҳшо 24.04.2015 Аетнографиатә ансамбль «Ерцахә» аиубилеитә ныҳәа аҭаара Рауль Ҳаџьыимба даҭааит сынтәа аетнографиатә ансамбль «Ерцахә» ҩынҩажәа шықәса ахыҵра иазкыз аиубилеитә ныҳәа 23.04.2015 Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аобиектқәа рыҧхасҭатәра афактқәа ахьырацәахаз инадҳәаланы, Ахада агәҭынчымра инаҭоит Хара имгакәа арҭ азҵаарақәа ирыхәаҧшуеи Ахада имҩаҧигараны иҟоу ҷыдалатәи аилацәажәараҟны 20.04.2015 Рауль Ҳаџьымба даҧылеит Ареспублика Науру аофициалтә делегациа Аделегациа иалахәуп ахада ихаҭыҧуаҩ, Ареспублика Науру афинансқәа рминистр Адеанг Давид Уаиау, афинансқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Хант Мартин Ханси-Саиа, Апарламент аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Акуа Ренин Рендольфи Апарламент адепутат Бурамен Сирили 20.04.2015 Мшаҧы 24 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит ирҿыцу ахкы аусура иалагоит. Мшаҧы 24 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит ирҿыцу ахкы аусура иалагоит. Уи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Аҧсны Ахада Иусбарҭеи русура зныҧшуа ихадоу официалтә хархәаганы иҟалоит. 17.04.2015 Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит Москватәи авизит аҳәаа иҭагӡаны Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изкыз алекциа даҧхьеит 17.04.2015 Ихыркәшоуп Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит Мшаҧы 17 рзы ихыркәшан Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит. Москватәи авизит аҳәаа иҭагӡаны Раули Ҳаџьымба Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изкыз алекциа даҧхьеит, имҩаҧигеит иналукааша урыстәылатәи АИХ рредакторцәаеи Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәеи рҧылара. Ашьыжь аҳәынҭқарра ахада Аҟәаҟа дыҧрит. Ара иҽаилаирхәраны дыҟоуп аҧсуа-аурыс аиҳабырабжьаратә комиссиа реилатәара. 16.04.2015 Афорум азал маҷ аҟны имҩаҧысит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Москва инхо аҧсуа уаажәларреи астудентцәеи рыҧылара Аиҧылара иалахәын Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба, Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, москватәи аҧсуа диаспора ахада Беслан Агрба. 16.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә хеилак Амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба диҧылеит урыстәылатәи иколлега Николаи Патрушев. Аиҧылараҿы ирылацәажәан Аҧсни Урыстәылеи ртәылахьчареи ршәарҭадареи рзеиҧш цәаҳәа. Николаи Патрушев ҩ-ҳәынҭқаррак ршәарҭадаразы агәҽанҵара иазку аусхкқәа разырхиареи рынагӡареи ирызку аусбарҭабжьаратә усеицура алҵшәақәа бзиоуп ҳәа ахә ишьеит. 10.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Москваҟа ивизит. Авизит аҳәаа иҭагӡаны Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изку алекциа даҧхьараны дыҟоуп 09.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба диҧылеит урыстәылатәи арежиссиор Алеқсандр Сокуров Алеқсандр Сокуров Аҧсны Ахада изеиҭаиҳәеит Аҧсынтәыла иаҭаара иадҳәалаз игәаанагара атәы. 24.03.2015 Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Адыгатәылантәи зхатәгәаҧхарала еибашьра иааз хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы иҭаацәа Галинеи Валерии Диколенко дырҧылеит Рауль Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы иҭаацәа атәанчахәы рзаужьразы 21.03.2015 Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Дмитри Медведев Рауль Ҳаџьымба Имшира идиныҳәалеит. Алада иаагоуп адныҳәаларатә цҳамҭа атекст хаҭәааны. 15.03.2015 Ахада Апарламент аҧхьа иеизаз ауаа рышҟа ддәылҵит Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵура иамхразы азҵаара ықәзыргылаз Апарламент аҧхьа иеизаз ауаа рышҟа ддәылҵит. 13.03.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит иааираны иҟоу акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазку аусуратә еилацәажәара. Аилацәажәара аартуа, Рауль Ҳаџьымба дазааҭгылеит атәыла аекономикаҿы атуристтә ҟәша иамоу аҵакы ду. «Ҳара лассы-лассы атуристтә ҟәша ҳекономика ҧхьаҟа аҿиара алзыршо ак акәны ишахәаҧштәу ҳҳәоит, аха уи ибзианы аус аурц азы иҟаҵатәу рацәоуп», - иҳәеит Ахада. 13.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала иаҧҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра акурортқәеи атуризми рзы аминистрра аекономика аминситрра аиҭеиҿкаарала Аминистр ҿыц иныҟәгаразы аныхтәқәа финансла реиқәыршәара алыршахоит 2015 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет азы азакәан аҟны аекономика аминистрра аныҟәгаразы иазгәаҭоу ахархәагақәа рыла. 12.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион актив иаҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа. Хәажәкыра 12, 2015 шықәса, Гал. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион актив даҧылеит. Аиҧылара иалахәын иара убас Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, гал араион аҟнытә Жәлар Реизара адепутатцәа Бежан Убириеи Ахра Кәакәасқьыри, Араионтә Еизара ахантәаҩы Иури Кәакәасқьыр, гал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Темур Надараиа, араион ауаажәларра. 12.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигаз аилацәажәара иазку АИХ рзы ацҳамҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Аинвестициатә программа асиа иалаҵоу аобиектқәа рыргыларатә усурақәа лассы рхыркәашара азҵаарақәа ирызкыз аусуратә еилацәажәара. 12.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аконституциа ахәҭаҷ 45 инақәыршәаны Аҧсны Жәлар Реизарахь ирхынҳәит жәабран 25, 2015ш. ирыдыркылаз «Атәылауаҩра аҭагылазаашьа иазку Актқәа рзы» Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аконституциа ахәҭаҷ 45 инақәыршәаны Аҧсны Жәлар Реизарахь ирхынҳәит жәабран 25, 2015ш. ирыдыркылаз «Атәылауаҩра аҭагылазаашьа иазку Актқәа рзы» Новости 2921 - 2940 из 2985 Начало | Пред. | 145 146 147 148 149 | След. | Конец | Все Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/4937/.carousel.second?PAGEN_1=147
2024-02-28T10:26:24Z
<urn:uuid:f811527c-237c-4972-8e41-a6dc17161690>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.78
0.99
58
10,932
null
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа усутә ҭаарыла Италиа дыҟан. Абри иныҟәараҟны иара дымҩаԥигон Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵақәа рынагӡаразы Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани. Кан Ҭаниа далахәын ақалақь Капурсо абазилика Санта Мариа Дель Поццо ауахәамаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра иазкны имҩаԥгаз амесса. Амесса хыркәшо Филиппо Д"Алессандро Кан Ҭаниа инапы иаиркит Дель Поццо Мадонна лсахьа зну аусумҭа, Аҟәатәи Римтәи-Акатоликатә уахәама аҭааҩцәа рзы. Кан Ҭаниа иакәзар, абазилика ҳамҭаны еиҭеит Симон Кананит исахьанҵа.
http://mfaapsny.org/allnews/news/othernews/kan-taniya-nakhoditsya-s-rabochim-vizitom-v-italii/
2024-02-26T12:24:41Z
<urn:uuid:4e1e133d-b94d-4446-a191-ee8b1ce60261>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
3
1,000
tlsh:T1DABB72113804CE87D7F3D0948BD29A315CD1885741227752CEC4F8A029560EC6BFC913EDFA680689A08F2212E6622D04660FFCE6247C2F92B0930462797F28DF164877D39F
Аҟәа ақалақь ахадара ахьтәоу ахыбра ргылан 1914 шықәсазы: уи 105 шықәса ахыҵит. Аҟәа ахаҿра аазырԥшуа ахыбра аҭоурых: уи зыргалаз, аамҭа цацыԥхьа иара аҽшаԥсахуаз, насгьы ԥсахра зқәымкәа инхаз уҳәа иазкны шәаԥхьар шәылшоит АААК аинформациатә портал иазнархиаз аматериал. Асҭанда Арӡынԥҳа Аҟәа агәҭаҵәҟьа, Леон имҩадуи Аиааира амҩадуи реихысырҭаҿы игылоуп зегьы еицырдыруа, акы иуцәаламҩашьо, асааҭ ду зхагылоу ахыбра. 2019 шықәсазы ахыбра 105 шықәса ахыҵит. Шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа ахыбра шаҳаҭс ирымоуп ақалақь иахнагахьоу аиҭасрақәа зегьы, ахаҭагьы еиуеиԥшым аамҭақәа рҷыдарақәа аныԥшуеит. Иахьатәи Аҟәа © Наала Аҩӡԥҳа Аҟәа XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы Аҟәа ҳаамҭазтәи архитектуратә хаҿра ашьақәгылара иалагеит XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭеи XX-тәи ашәышықәса алагамҭеи рыбжьара. Убри аҟнытә, ижәытәӡатәиу ақалақьтә ргыларақәа ҳанрылацәажәо, ҳхәыцра шәышықәса раԥхьаҟа ҳагоит, иҳаҩсыз ашәышықәса атмосфера ҳагәыланахалоит. XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы Аҟәа – амилаҭрацәа ахьынхоз қалақь хәыҷын. Инықәырԥшшәа аа-нызқьҩык раҟара ақалақь ауааԥсыра ахьыҟаз, милаҭла иугозар ҩажәа инареиҳан: аԥсуаа, аурысқәа, абырзенцәа, аерманцәа, аҭырқәцәа, агырқәа уҳәа убас ирацәаҩны. Аетникатә гәыԥқәа доусы рхеидкылақәа рыман, рмилаҭ ахаҭарнакцәа иахьырҭахыз ирыцхраауан. Ауахәамақәа дыргылон, ашколқәа аадыртуан, Ақалақьтә Думахь рхаҭарнакцәа рықәыргылара иацхраауан. Усҟантәи ақалақьтә ԥсҭазаара шеиҿкааз злаҳдыруа ҳәа раԥхьаӡа иргыланы иҟоу 1913 шықәсазы арккаҩы Константин Маҷавариани иҭижьиз «Аҟәа амҩақәҵагашәҟәи», аҭоурыхҭҵааҩы Анзор Агәмаа иусумҭақәеи роуп – иара ақалақьргыларатә обиектқәаны иҟаз Аҟәатәи ахыбрақәа шәкы инареиҳаны рҭоурых аниҵахьеит. Константин Маҷавариани ишәҟәы «Аҟәа амҩақәҵагашәҟәы» ацәа © apsnyteka.org ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи алаҳәара, Аҟәа © Константин Маҷавариани ишәҟәы «Аҟәа амҩақәҵагашәҟәы» аҟынтә Убарҭ ирыбзоураны ҳара иаҳдыруеит, иаҳҳәап, XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы Аҟәа аԥошьҭа аусура ишалагахьаз. 1912 шықәсазы ақалақь аҿы аԥошьҭатә иашькақәа рхыԥхьаӡара 14 рҟынӡа инаӡон. Асаламшәҟәқәа мышкахьы ҩынтә иҭыргон: ашьыжь асааҭ 11 рзы, нас ахәылбыҽха асааҭ 5 рзы. Аԥошьҭаныҟәгаҩцәа шьоукы маланыҟәала асаламшәҟәқәа нарга-ааргон. Ақалақь ауааԥсыра асаламшәҟәқәеи ателеграммақәеи рыҩны ирызнаргон аԥошьҭаныҟәгаҩцәа. Аҟәантәи ирышьҭуаз асаламшәҟәқәа ракәзар, ақалақь ауааԥсыра рхаҭақәа аԥошьҭа-телеграфтә контораҿы инаргон. ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи алаҳәара, Аҟәа © Константин Маҷавариани ишәҟәы «Аҟәа амҩақәҵагашәҟәы» аҟынтә ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи алаҳәара, Аҟәа © Константин Маҷавариани ишәҟәы «Аҟәа амҩақәҵагашәҟәы» аҟынтә Аимадара иазку аинтерес зҵоу даҽа факткгьы: Аԥсны, Аҟәа иалсны ицон Лондони Калькуттеи еимаздоз индоевропатәи ателеграф (Британиатәи аҳра аамҭақәа рзы Калькутта – Британиатәи Индиа аҳҭнықалақьс иҟан, 1911 шықәса рҟынӡа – аред.). Акционертә еилазаара «Аишьцәа Сименс» (Лондон) нас «Сименси Гаальскеи» (Берлин) иртәыз ателеграфтә цәаҳәа зқәыз аҭыџьтә шьаҟақәа иахьагьы Аԥсны иуԥылоит. ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи алаҳәара, Аҟәа © Константин Маҷавариани ишәҟәы «Аҟәа амҩақәҵагашәҟәы» аҟынтә ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи алаҳәара, Аҟәа © Константин Маҷавариани ишәҟәы «Аҟәа амҩақәҵагашәҟәы» аҟынтә XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы ақалақь аҿы аус ауан 1866 шықәсазы иаԥҵаз аполициатә усбарҭа. 1914 шықәсазы Аҟәатәи аполициа шьақәгылан абарҭ ачынқәа рыла: апристав, фҩык ацуҭамилицауаа еиҳабцәа, 26-ҩык аиҵбацәа. Ақалақь хадара азыруан – ақалақь ахада дызхагылаз Ақалақьтә напхгареи, хыхь зыӡбахә ҳҳәахьоу Ақалақьтә Думеи. Аҟәа ақалақьтә Думахь раԥхьатәи алхрақәа мҩаԥысит 1899 шықәсазы. Адепутатцәа ԥшьышықәса ҿҳәарас ирзыԥҵәан. Раԥхьатәи алхрақәа ирылахәын 163-ҩык ақалақьуаа, абжьыҭара азин змаз (асиа ианын 500 мааҭ иреиҵамкәа зыхәԥса ыҟаз еиҭамҵуа амазара змаз ақалақьуаа мацара, иара убас 1-тәи 2-тәи агильдиақәа рахь иаҵанакуаз аҭуџьарцәеи – аред.). ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи алаҳәара, Аҟәа © Константин Маҷавариани ишәҟәы «Аҟәа амҩақәҵагашәҟәы» аҟынтә ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи алаҳәара, Аҟәа © Константин Маҷавариани ишәҟәы «Аҟәа амҩақәҵагашәҟәы» аҟынтә Ақалақьтә Дума раԥхьатәи ааԥхьара иалалеит фҩык аамсҭацәа, хәҩык тәанчара ицахьаз аруаа, хәҩык аграждантә чынуаа, ҩыџьа аҳақьымцәа, архитектор-сахьаҭыхҩык, хәҩык амешьанцәа, ҩыџьа анхацәа (амешьанцәеи анхацәеи ақалақь ахәаахәҭцәа ирхаҭарнакцәан – аред.). Иҳаҩсыз ашәышықәса алагамҭазы Аҟәа ҩ-театрк аус руан. Ирацәан ақьырмыҭтә зауадқәа, ҳәарада, абзазаратә ҭахрақәа ирызкыз анаплакқәагьы ыҟан: адәқьанқәа, ахцәыҟаҵарҭақәа, акаҳуажәырҭақәа, ақьафурҭақәа, афотосахьаҭыхырҭақәа. Ибзианы иҿианы иҟан амшынтә-транспорттә еимадара Ҟрым-Кавказтәи ацәаҳәа Одесса-Баҭым ала. Аӷбақәа есыҽны ибжьан. ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи алаҳәара, Аҟәа © Константин Маҷавариани ишәҟәы «Аҟәа амҩақәҵагашәҟәы» аҟынтә ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи алаҳәара, Аҟәа © Константин Маҷавариани ишәҟәы «Аҟәа амҩақәҵагашәҟәы» аҟынтә Арԥҳачымазаҩцәа рзы акурорти аҭаҭынтә плантациақәеи Аҟәа ақалақь – Урыстәылатәи аимпериа зегьы аҟынтә аҳақьымцәа ахьаауаз ҭыԥын. Араатәи аҳауа иабзоураны, ақалақь арыԥҳачымазаҩцәа рыхәышәтәразы иреиӷьыз ҭыԥны иԥхьаӡан. Убри азоуп араҟа издыргыла усҟантәи аамҭазы зегьы иреиӷьыз, иҿыцыз ахәышәтәырҭақәеи асанаториақәеи. Аха абальнеологиа (аӡыҵәыҵәқәа агәабзиаразы рхәарҭареи урҭ рхархәара аметодқәеи ҭызҵаауа амедицинатә ҭҵаарадырра аҟәша – аред.) мацара акәӡамызт изыбзоуроу XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭеи XX-тәи ашәышықәса алагамҭеи рзы хыԥхьаӡара рацәала анаплакцәа ахьынхоз, аус ахьыруаз, аурыс интеллигенциа ахаҭарнакцәа адачақәа ахьдыргылоз, ԥсшьара иахьаауз Аԥсны ақалақь хәыҷы Амшын Еиқәа аҿықәантәи ривиераны иахьыҟалаз. ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи асахьанҵа, Аҟәа © Анзора Агәмаа иархив ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи асахьанҵа, Аҟәа © Анзора Агәмаа иархив Константин Маҷавариани Аҟәа иазикыз имҩақәҵагашәҟәаҿы иҩуеит: «Ақалақь аҭааҩцәа лассы-лассы иҵаауеит: «Зегьы идырҽхәо Аҟәа хәарҭас иалои? Егьырҭ ақалақьқәа излареиӷьи?» ҳәа. Аминистрраҿы, иара Ақалақь Ахеилак аҿгьы Амшынеиқәаҿтәи аихамҩа алдара азҵаара алацәажәараан абас еиԥш ацәажәарақәа ыҟан: «агаҿа ашәыри ашәҭқәеи ҳнаҭоит, нас аихамҩа аргылара жәа-миллионла аԥара ақәҳарӡыр ҟалома ашәҭқәеи ашәыри атәыла иалаҳгоит ҳәа?». Маҷавариани арҭ азҵаарақәа рҭак ҟаиҵоит: аус злоу – Аԥсны иаадрыхуаз зхаҭабзиара ҳаракыз аҭаҭын акәын, арантәи мҽхакы ҭбаала иалыргоз. «Афабрика аусзуҩцәеи, акомиссионерцәеи, агентцәеи аԥара ду дырҳауеит аханқәа дыргылоит», - ҳәа ҳаԥхьоит «амҩақәҵагаҿы». ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи асахьанҵа, Аҟәа © Анзора Агәмаа иархив ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи асахьанҵа, Аҟәа © Анзора Агәмаа иархив Аԥсны ииашаҵәҟьаны аҭаҭын рацәаӡаны иҟарҵон. 1914 шықәсазы Аԥсны иҿырхыз аҭаҭын миллион ԥуҭк рҟынӡа инаӡеит ҳәа азгәеиҭоит ашәҟәыҩҩы Исаак Бабель истатиақәа руак аҟны. «Уаанӡатәи аҭаҭын аагаҩцәас иҟаз – Македониа, Ҭырқәтәыла, Египет – аконкурент ҿыцс ироуз иҭаҭын, ҳәарада, дара ртәы ишеиӷьыз иамаркуамызт. Каир, Александриа, Лондон ахьӡ ду заухьаз афабрикақәа иҭрыжьуаз аҭаҭын хкқәа еиҳагьы рыхә ҳаракхон аԥсуа ҭаҭын аналарҵоз. Ҳара ҳаалыҵ мацәыс еимҟьараҵас иаразнакала адунеиҿы иреиӷьӡоу ҳәа ахьӡ-аԥша аиуит, аҳәаанырцәтәи акапитал арахь идәықәлеит, ашьҭаҵарҭа дуқәа рыргылареи ааглыхратә плантациақәа реиҭаҳареи аԥшьнагеит», - иҩуеит Бабель. ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи асахьанҵа, Аҟәа © Анзора Агәмаа иархив ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи асахьанҵа, Аҟәа © Анзора Агәмаа иархив «Аҩныеихагыла дуқәеи» амодерни Анкьатәи Аҟәа аекономика шьаҭас иамаз аҭаҭынтә ааглыхра ҭыԥс иааннакылоз аилкаара акраҵанакуеит ақалақь ахаҭа ашьақәгылареи аҿиареи шымҩаԥысуаз аилкааразы. Избан акәзар абарҭ ахҭысқәа зегьы анудыруа, иџьашьатәым 1914 шықәсазы Колиубиакинтәи амҩеи Гьаргь имҩеи (иахьатәи Леон имҩадуи Аиааира амҩадуи реихысырҭа – аред.) реихысырҭаҿы ицәырҵыз ахыбра ду зыргылаз аҭаҭынтә магнат Стефан Стифаниди ахьиакәу. Аиааира амҩаду, Аҟәа, 2000-тәи ашықәсқәа © Наала Аҩӡԥҳа Аиааира амҩадуи Абазақәа рымҩеи реихысырҭа, Аҟәа, 2000-тәи ашықәсқәа © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Стефаниди – XIX - XX ашәышықәсақәа реилыҵымҭазы Азиа Маҷынтә Аԥсныҟа иқәнагалаз понтиатәи абырзенцәа дыруаӡәкын. Абырзенцәа Аҟәа аҿиараҿы рлагала дуӡӡа ҟарҵеит. Ҿырԥшыс дааҳгар ҟлоит Стефан Стефаниди ихаҭа, уи аҭаҭын аҭирала амал ду ҟаҵаны, ақалақь иазынижьит ихадароу архитектуратә ҭынхақәа рсиа иахыԥхьаӡалахаз ахыбрақәа. Стефаниди усҟантәи аамҭазы иҭаацәа иманы дынхон хә-еихагылак змаз аҩнаҟны, акыраамҭа уи ахыбра акәын Аҟәа зегь реиҳа иҳаракыз ҳәа иԥхьаӡаз. Уи аҩны ргылан 1912 шықәсазы Воронцово-Дашковтәи амҩеи Гьаргь имҩеи (иахьатәи Абазақәа рымҩеи Аиааира амҩадуи – аред.) ахьеиԥылоз. Иҩны актәи аихагылаҿы адәқьанқәеи аԥҭекеи аус руан, хыхьтәи аихагылақәа рҿы аԥшәмацәа нхон, насгьы қьырала ирырҭоз ауаҭахқәа ыҟан. ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазы Воронцовтәи амҩа © abhazia-stranadushi.ru ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи асахьанҵа, Аҟәа © Анзора Агәмаа иархив Маҷк аамҭа ааҵуаны, 1921 шықәсазы Стефаниди иҩны ақалақьтә мазарахь ииасуеит, уи ашьҭахь хара имгакәа абырзен малуаҩ иҭаацәа зегьы Аԥсны иқәҵны ицоит. Иҩны иахьа уажәраанӡа еиқәханы иҟоуп: иахьазы уи – ауаҭах рацәа змоу, ауаа рынхарҭа ҩнуп, Аԥсны аҭоурыхтә-архитектуратә баҟас иԥхьаӡоуп. Ԥшь-еихагылак змоу аҩн ҿыц (иахьатәи аҳҭнықалақь ахадара ахыбра – аред.) апроект ҭихит Вениамин Островидов. Ахыбра ргылан Аҟәа иазҷыдараз амодерн астиль ала. ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазы уи аҩнеихагыла дук («небоскреб») еиԥш иахәаԥшуан. Иахьатәи Аҟәа © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Иахьатәи Аҟәа © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Ахыҵхырҭақәа шьоукы рҿы ишарбоу ала, аԥшәма адҵа ҟаиҵеит иҩны аҿаԥхьа атротуар аҟны иинициалқәа анырҵарц. Иахьа урҭ аинициалқәа узыԥшаауам, иҟалап, урҭ рышьҭа ыӡзар ахаҳә ҿыц ақәҵарақәа руак аан. ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи Аҟәатәи аҩндуқәа руак аҟны ауаџьаҟ ачаԥара ахәҭак © Наала Аҩӡԥҳа Стефаниди иҩны аниргыла ашьҭахь дук хара имгакәа ииҭиуеит: уи аазхәазгьы аҭаҭын наплакҩын, Гокиелов ижәлан, аҭаҭынтә фирма «Мир» зтәыз иакәын. Ахыбра ԥшӡа иара ианихәҳа нахыс инаплакы аконтора уа иҟалеит. 105 шықәса раԥхьа ари ахыбраҿы иҟан уи адагьы хаҭалатәи анаплакқәа рацәаны: аповизор Бауман иаԥҭека, амода-галантереиатә дәқьан «Лионски шик», Гогьиџьанова лҩырақьаадтә шәҟәыҭира. Иџьаушьап, аха шәышықәса рашьҭахьгьы араҟа иахьа аус руеит аԥҭека, амаҭәаҭирҭа, ашәҟәыҭирҭа, аканцелиартә тауарқәа рыдәқьан. Аҟәа ақалақь ахадара ахыбраҿы иҟоу аԥҭека © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Аҟәа ақалақь ахадара ахыбра иамоу авитражтә саркьақәа © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Аҟәа ақалақь ахадара ахыбраҿы аинтериер аԥхьаӡа ишшәыз афрагмент © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Аҟәа ақалақь ахадара ахыбра аинтериер © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Аҟәа ақалақь ахадара ахыбра аинтериер © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Аҟәа ақалақь ахадара ахыбра аинтериер © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Аҟәа ақалақь ахадара ахыбра © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Аҟәа ақалақь ахадара ахыбра © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Ахыбра апроекти, уи асахьа зну иҳаҩсыз ашәышықәса алагамҭазтәи, абжьаразтәи асахьанҵақәеи ҳаамҭанӡа еиқәхеит, ақалақьуаа ибзиангьы ирдыруеит. Аха ахыбра аҩнуҵҟа ишеиҿкааз атәы, шамахамзар, акгьы ҳаздыруам. Аиааира хьӡыс изауз Гьаргь имҩа 1921 шықәсазы Асовет мчра анышьақәгыла, аԥсуаа раҳҭнықалақь агәҭан игылаз ԥшь-еихагылак змаз ахыбра амуниципализациа азун, араҟа Аџьа ахан аԥырҵеит. Анаҩс иара Ақалақьтә совет иарҭеит. Ахыбра узлаҿаԥшуа аҭӡаҿы Иосиф Сталин иоуразоуроу дызныз аплакт дуӡӡа хыршьит. Аҭыӡқәа рҿы акоммунисттә лозунгқәа анырҵеит. Стефаниди ихазҩнду асовет аамҭазы © Анзора Агәмаа иархив Стефаниди ихазҩнду аҟны иаԥырҵаз Аџьа ахан, Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь © abhazia-stranadushi.ru Ажәытәтәи амҩақәа рыхьӡқәагьы ԥсахын, асовет аамҭа иақәшоз ахьӡ ҿыҵқәа рырҭон. Убас акырынтә ахьӡ ԥсахын зыӡбахә ҳамоу ахыбра ахьгылаз Гьаргь имҩагьы. 1880 шықәса алагамҭазы уи ахьӡ ахҵан аимператор Александра ΙΙΙ иашьеиҵба – аҭауад лаша Гьаргь Александр-иԥа иаҳаҭыразы. 1918 шықәсазы Аԥсны ақырҭуа меншевикцәа анааи, уи ахьӡ ԥсахын, Чхенкели имҩа ҳәа иҟаҵан — Аахыҵкавказтәи Афедеративтә Демократиатә Республика аиҳабыра ахантәаҩы ижәлала. Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь ҩаԥхьа ахьӡ ԥсахын – III-тәи Аинтернационал амҩа ҳәа иҟаҵан. Ақалақьтә совет ахыбра, 1950-тәи ашықәсқәа © Анзора Агәмаа иархив Ашьҭахь, 1937 шықәсазы, ақалақь агәҭаҿы зегьы иреиҳаз ари амҩа Иосиф Сталин ихьӡ ахырҵеит. Сталин ихаҭаратә культ анхабгала ашьҭахь, 1960-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы амҩа ахьӡ ҿыц аиуит – Аҭынчра апроспект (амҩаду) ҳәа. Иахьа ҳазлацәажәо ари амҩа –Аиааира амҩаду ахьӡуп. Урыстәыла аҳцәа рҭаацәараҿы ахәыҷқәа ақьырсиан динхаҵараҿы ацқьацәа ҳәа ишьаз рыхьӡ шырхырҵоз ҳгәалаҳаршәар, еилкаахоит Гьаргь ихьӡгьы Гьаргь Ацқьа – Аиааирагаҩ иаҳаҭыраз ишихьӡырҵаз, ус анакәха Гьаргь имҩа ҩаԥхьа аиааира ахьӡ ахылеит, аха уажәшьҭа – аԥсышәала. ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи асахьанҵа, Аҟәа © Анзора Агәмаа иархив ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи асахьанҵа, Аҟәа © Анзора Агәмаа иархив Аԥсны злаудыруа аблахкыгарҭа 1950 шықәсазы Аҟәа – Асовет Еидгылаҿы зегь реиҳа ицқьаз ақалақь аҳасабала ҳамҭас иаҭан ақалақьтә сааҭ ду-акурантқәа. Аҳамҭа Аԥсныҟа иаашьҭын Москватәи ақалақьтә совет ахьӡала – 1917-1993 шықәсқәа рыбжьара Москва иреиҳаӡаз аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭас иҟаз, иахьатәи Мосгордума иаԥхьанеиуаз аусбарҭа аҟынтә. Асааҭ Аҟәатәи ақалақьтә совет ахыбра иахадыргылеит. Ари асааҭ ду ақалақь аблахкыгарҭас иҟалеит, зегь реиҳагьы излаудыруаз уи асимволқәа ируакхеит. Иахьа, XXI-тәи ашәышықәсазы, усҟантәи ақалақьтә совет ахьтәаз аҭоурыхтә хыбраҿы иҟоуп Аҟәа ақалақь ахадара, Ақалақьтә еизара, аус ауеит Акультуратә-гәыҳалалратә фонд «Ашана». 1914 шықәсазы иргылаз Ахадара ахыбра Аԥсны аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәа рсиа иануп, аҳәынҭқарра хылаԥшра анаҭоит, Аԥсны аҳҭнықалақь злаудыруа блахкыгарҭас иҟоуп. Аҟәа ақалақь ахадара ахыбра иахагылоу асааҭ © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Аҟәа ақалақь ахадара ахыбра аҟынтә Аиааира амҩаду шааԥшуа, иахьатәи ҳаамҭа © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Акомментари ааныжьразы шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп. Ашара а б в г ӷ д џ е ҽ ҿ ж з ӡ и к қ ҟ л м н о ҩ п ԥ р с т ҭ у ф х ҳ ц ҵ ч ҷ ш ы ь ә Абхазский язык Абазинский язык а б в г д е ё ж з и й к л м н о п р с т у ф х ц ч ш щ ъ ы ь э ю я Ӏ Абхазский язык Абазинский язык Ахҳәаа ыҟам Ахҭысқәа ААУ аҿы имҩаҧысит абаза бызшәала азеиҧш диктант Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҿы зымҽхак ҭбаам авиртуалтә екскурсиа Адиспансеризациа 2024: АААКи Агәабзиарахьчара аминистрреи ашколхәыҷқәа ргәабзиара агәаҭара еиҭахацдыркит. Аҿцәажәара «Необходимо сохранить наш маленький абхазский мирок»: интервью с Теймуразом Тания "Згәы зыԥхьаны иааз": АААК иазнархиеит хатәгәаԥхарала иҳавагыланы еибашьуаз ирызку авидеонҵамҭа Аԥсни италиатәи ақалақь-ҳәынҭқаррақәеи: аԥсуа ҵарауаҩ Чрыгба ишәҟә ҿыц Реиҳа изыԥхьо «Аԥсуара амҩахәасҭақәа» рцикл: Феликс Џьинџьиа иҿцәажәара 13 Жәабран 2024 12:00 Адиспансеризациа 2024: АААКи Агәабзиарахьчара аминистрреи ашколхәыҷқәа ргәабзиара агәаҭара еиҭахацдыркит. 18 Жәабран 2024 15:30 АААК еиҭахацнаркит аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа ирызку апроект 10 Жәабран 2024 16:35 Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҿы зымҽхак ҭбаам авиртуалтә екскурсиа 19 Жәабран 2024 13:30 Анҵамҭақәа зегьы Ҳара ҳхархәаҩцәа Рада Тания Сария Харазия Тамара Аиба Диана Пилия Хаыреддин Евирцан Алхас Қаԥшь Асҭамер Сангулиаиа Георгий Берзения Аҭалара Аҽҭаҩра Афотосахьақәа Аҧсны еиуеиҧшым акәакьқәа рҿы Ажьырныҳәа шымҩаҧырго зныҧшуа афотолента Авидеонҵамҭақәа Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҿы зымҽхак ҭбаам авиртуалтә екскурсиа Апроектқәа рыдгылара / Алахәцәа рыхәҭалагала Ахшәаара Аконгресс алалара Арзаҳал ахарҭәаара Аконгресс аҿы Аконтактқәа Амультимедиа Апроектқәа Аконгресс ажәабжьқәа © 2024 АААК Азинқәа зегь хьчоуп 18+ , ма шәыҽҭажәҩыроуп. АААК алахәцәа рхыԥхьаӡарахь адкылара аԥҟарақәа Арзаҳал онлаин ахарҭәаара Арзаҳал PDF аҭагалара Иҭабуп шәахьҳадҵаалаз. Иаарласны ҳаҽшәымаҳдоит. Иҭабуп шәахьҳалахәхаз! Иалашәҵаз азыҳәара хымԥада ҳахәаԥшуеит. 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail Ажәла, ахьӡ, абхьӡы Атекст аҿы агха Аацҳамҭа Асахьатә фаил, ма адокумент Ашьҭра 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail: Апароль Сагәалашәааит Апароль шәхашҭма? Аҭалара Аккаунт аԥҵаӡами? Аҽҭаҩра Ахархәаратә еиқәшаҳаҭра Асоциалтә ҳақәа рыла аҭалара: Защита reCAPTCHA: Конфиденциальность и Условия использования 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail: Ишәхәыц апароль (ф-символк иреиҵамкәа) Апароль еиҭанышәҵа Ахархәаҩ иақәшаҳаҭра аԥҟарақәа сыдыскылоит, схаҭаратә дыррақәа аус рыдулара сақәшаҳаҭуп. Аҽҭаҩра Асоциалтә ҳақәа рыла аҽҭаҩра: Защита reCAPTCHA: Конфиденциальность и Условия использования Иашәырбаз аелектронтә ԥошьҭа арҵабыргразы ишәзынашьҭуп азхьарԥш згәылоу асаламшәҟәы. Аҭаӡ Спам иҭоу агәаҭара шәхашәмыршҭын! Апортал анҵамҭақәа Шәаккаунт апароль аиҭашьақәыргыларазы ахьарԥш згәылоу асалам шәҟәы шәзынашьҭын. Ахьарԥш ала шәиасны апароль ҿыц шәхәыц.
https://www.abaza.org/abk/ikharakny-igylou-aamta-akhylapshyuy-akua-akalak-akhadara-akhtou-akhybra-atourykh
2024-02-24T09:44:08Z
<urn:uuid:cddee5e2-2719-4387-b63e-6d91c972c106>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.64
0.97
226
30,134
tlsh:T1DF52CFD29C44CB4FCAB3C099CFC189356CD158834626B620CED5F475164105CEBFCD02EAEAEC068A749F1512E265BF106A4AFCE921BC7FD7319340A26E2F68DE27E876D59E
Аслан Бжьаниа Аҟәа ақ. Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра аҵаҩра иазкыз ацеремониа далахәын Аҧсуа Русский English Акьыҧхьразы аверсиа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ахада(current) Абиографиа Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан Ахада имчхара атрибутқәа Ахада ихаҭыҧуаҩ(current) Абиографиа Ахада Иадминистрациа(current) Ахада Иадминистрациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы АИ анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩцәа Ашәарҭадаратә Хеилак Ахада Иадминистрациа аилазаара Ахада Иадминистрациа ажәабжь ҿыцқәа Ажәабжь ҿыцқәа Аҧсны Аҳәынҭқарра(current) Азеиҧш информациа Аҳәынҭқарра асимволика Аҧсны аҭоурых Аекономика Акультура АИХ рзы(current) Аккредитациа Аимадарақәа Аофициалтә фотосахьақәа Адокументқәа(current) Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанқәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкылақәа Жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа Ахада Иусҧҟақәеи идҵақәеи Ахада иажәахәқәа Ацҳамҭақәа Аимадаратә хархәагақәа(current) Афото Авидео Аимадарақәа(current) Аимадаратә информациа Ахада ашәҟәы изыҩра Аслан Бжьаниа Аҟәа ақ. Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра аҵаҩра иазкыз ацеремониа далахәын 27.10.2023 Иахьа, жьҭаарамза 27 рзы имҩаԥысит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дызлахәыз В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра аҵаҩра. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи ЗҲӘА "Аинфрастуктуратә ҿиареи" аҳәынҭқарратә-хатәы усеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Аиқәшаҳаҭра хықәкыс иаиуит В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза "Аҟәа" амазаратә комплекс аиҭашьақәыргылара авиациатә еимадара ахацыркразы. Адокумент иаҵаҩын Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа Аекономикатә ҿиара аминистрреи еиҿыркааз аинвестор иалхразы аицлабра иаанарԥшыз аихшьалақәа рыла. Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны ахархәаразы еиҭашьақәыргылахоит аеродром. Аинвестор 3100 м аура змоу, зыҭбаара 45 м. ыҟоу ашьҭԥраара-ртәаратә цәаҳәа аиҭашьақәыргылара мҩаԥигараны дыҟоуп, уи иалнаршоит ҳаамҭа иақәшәо Урыстәылеи аҳәаанырцәи иҭрыжьуа аҳаирпланқәа рыдкылара. Ашьҭԥраара-тәарҭатә цәаҳәаҿы аҭатәаразы аинструменталтә ҭаларазы амыруга, иара убас ИКАО актәи акатегориа иаҵанакуа аԥыррақәа алашарасигналтә реиқәыршәара алзыршо асистема. Иара убас еиҭашьақәыргылахоит аԥсҟы мҩеи апассаџьыртә перрон ахәҭаки, иргылахоит аперрон азы аҭыԥ ҿыц, аҳаирпланқәа рыртәарҭа ҭыԥ арҭбааразы. Апроект аҟны иазгәаҭоуп амашәыр -еиқәырхаратә станциа ҿыц аргылара, аӡышьҭра-ӡҭарбаратә система, арыцқьаратә хыбрақәа, аҳаирпланқәа мҵааразы ирыдыруло аусқәа ахьымҩаԥырго уҳәа, жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәо егьырҭ аобиектқәа. Аеродром арҿыцра анаҩсангьы иргылахоит апассаџьыртә терминал ҿыц, иара убас аҳаиртә баӷәаза аҭоурыхтә хыбра еиҭарҿыцхоит. Атерминал ҿыц иаакәыршаны еиҿкаахоит апарк. Аҭоурыхтә хыбраҿы иазгәаҭоуп аофицалтә хаҿқәеи аделегациақәеи рыдкыларҭа. Аҳаирвокзалтә комплекс ҿыц сааҭк иалагӡаны иаунажьыр алшоит 1300-ҩык апассаџьырцәа. Атерминал ҿыц аргылара инаваргыланы, аҳаиртә баӷәазаҟны иргылахоит ма еиҭашьақәыргылахоит административтә-усеиҿкааратә хыбрақәа, иҷыдоу атранспорти арҽеиратә усурақәеи ирызку амаҵзурақәа рзы аргыламҭақәа, абылтәыҭаҭәарҭатә комплекс. «Аԥсны Аҳәынҭқарразы аҳаиртә баӷәаза аусура аиҭахацыркра, ҳәарада, акрызҵазкуа хҭысуп. Ишдыру еиԥш, ари аԥхьа апроект анагӡаразы аԥҟарақәа ҳәаақәызҵо Аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра азырхиара иазкыз аусура ду мҩаԥган. Иахьа изҵаҩу аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра ишьақәнаргылоит аҿҳәара, аԥҟарақәа, акомплекс арҿыцреи аиҭашьақәыргылареи ирзаужьхо афинансқәа рымҽхаки уинахыстәи ахархәара шымҩаԥысуеи ртәы. Аҳәынҭқарра иахатәтәны инхоит аеродром, аеродромтә инфраструктура, аҳаиртә вокзал аҭоурыхтә хыбра, ҩ-ҵакык змоу аобиект астатуси ахьӡи "В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәа ақ. Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза". Ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшуп апроект анагӡаразы еицаҳзеиԥшу аусура. Агәра ҳгоит, аҳаиртә баӷәаза аусура ҳтәыла аҿиара иацхраауа ак акәны ишыҟало", - лҳәеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган. Рашид Нургалиев, ЗҲӘА "Аинфраструктуратә ҿиара" зхатәу, Аԥсны анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит ирыдигалаз аҳаиртә баӷәаза арҿыцразы апроект адгылара ахьарҭаз. "Аԥсны аԥсшьарҭақәа рахь атуристцәа иаадырԥшуа аинтерес есышықәса иазҳауеит. Аҳаиртә баӷәаза аартра иабзоураны аԥсшьаҩцәа ирласны, насгьы иманшәаланы Аԥсны акурортқәа рҭаара алнаршоит", - иҳәеит иара, иагьазгәеиҭеит ҳаамҭа иақәшәо аҳаиртә баӷәаза ареспублика иамоу атуристтә лшара анагӡара ишацхраауа. " Ҳара нап аҳаркуеит зымҽхак ҭбаау апроект анагӡара, аԥхьа игылоу хықәкуп - аеродром аиҭашьақәыргылара. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны аперрон ырҭбаахоит, ирҿыцхоит аԥсҟы мҩақәеи ашьҭԥраара-тәарҭатә цәаҳәеи, иара убас алашарардыргала еиқәыршәахоит. Уи хымԥада иаҭахуп Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аимадара ахацыркразы", - иҳәеит ЗҲӘА "Аинфраструктуратә ҿиара" адиректор хада Сергеи Грибков. Иара убас иазгәеиҭеит иуникалтәу аҳаирвокзалтә комплекс аргылара ишалаго, агәра шиго иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыреи аԥсшьаҩцәеи Аҟәа аҳаиртә баӷәаза ишақәнагоу еиԥш ахә шыршьо. Анапаҵаҩра иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза - аминистр Александр Анқәаб, Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аԥыза –аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16048/
2024-02-28T09:12:56Z
<urn:uuid:c014039a-d2a6-45f2-9742-ade3d53d208a>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.9
0.98
51
10,489
tlsh:T1C4145E226940DB4BC6B3C049DA914D356CC1684B4272B370CEC9F1B1569209CFFFCD13A9FAE85A8A74DB1622D162AE11944AEDEA257EAFD3319200A13D3F38ED376476C69D
Китаи акоронавирус атәылауаа арекордтә рхыԥхьаӡара рыдбалан. Аихқәа рдыррақәа рыла, Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Китаи аҟны 40 052-ҩык акоронавирус рыдблан. Хәымш ирылагӡаны атәылаҿ акоронавирус ала ачымазаҩхара афактқәа рацәахеит. Иацы акоронавирус рыдбалан 39 506-ҩык. Зегь реиҳа афактқәа рацәоуп Гуанџьоуи Чунцини рҿы. Китаи “ковид-19” аҿагыларазы анольтә политика мҩаԥыргоит. Китаи аковид амзызла ишьақәгылоу аԥкрақәа раԥыхразы аҿагыларатә акциа мҩаԥган. Адемонстрантцәа Пекини Шанхаии атәыл егьырҭ ақалақьқәеи рҿы еизеит. АДУНЕИАҾЫ aкоронaвирус Китаи 3 Еиҧшу Китаитәи ареспублика Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизадатә режим шьақәнаргылеит "Ақырҭуа гәахәтәы" аделегациа Китаи авизит ихыркәнашеит «Ақырҭуа гәахәтәы» аделегациа Китаи аиҧыларақәа нанагӡоит Иракли Кобахиӡе - Китаи аҟны аусеицура еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҵак ду амоуп Иракли Чиқовани - Ҳтәылақәа астратегиатә партниорра иазкны аҳамҭақәа ҟарҵахьеит, ари иазыԥхьагәаҭаны Китаи авизит ҩганкаатәи еизыҟазаашьақәа рырҿиара аус азы аҵак ду амоуп Таиван ихадароу апрезиденттәи апарламенттәи алхрақәа рзы аҽазыҟаҵара иаҿуп Тедрос Аданом Гебреисус - Covid-19-и, агриппи егьырҭ ареспиратортә чымазарақәеи рхыԥхьаӡара иазҳауеит, асабрадақәа ныҟәыжәгала, алаҵақәеи атестқәеи иҟаҵаны ахьшәымоу гәашәҭала Китаи иҟалаз адгьылҵысраан 116-ҩык ҭахеит Қырҭтәыла апарламент аделегациа алахәылацәа Пекин, Китаи Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ иԥылеит Китаи ацҳаражәҳәаҩ – Астратегиатә партниор аҳасабала, Китаи, Қырҭтәыла асоциал- економикатә азҳара ацхраара иазҿлымҳауп
https://1tv.ge/lang/ab/news/ihauismz-waxi-chvni-rmla-kitai-akhnm-40-052-uimk-akoronavirws-rmdblan/
2024-02-29T18:05:52Z
<urn:uuid:5a398d1d-d956-4ab6-a14e-158357dc2787>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
1
0.99
14
2,781
null
«Адырра ҿыц» - «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект ҿыц. Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, арҵаратә усбарҭақәа акомпиутертә классқәа рыла еиқәнаршәоит. Еиуеиҧшым аусбарҭақәа русура ахаҭабзиара аиӷьтәразы ихымҧадатәны иҧхьаӡоуп ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рхархәара. Иаҳҳәозар: акомпиутерқәа, иҟәышу акласс ӷәқәа уҳәа, адунеи ҿыц адыррахь ахь уцәырызго амаҭәарқәа. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусура аамҭа иалагӡаны, акомпиутертә техникақәа рыла еиқәнаршәахьеит ашколқәа, абиблиотекақәа, араионтә администрациақәа, иара убас егьырҭ аусбарҭақәа. Акультуреи Аҵарадырреи Инарҭбааны Ақәранҵыра Апроект «Ақәранҵыра» акыр шықәса зхыҵуа абыргцәа ирызкуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны шәышықәса иреиҳау ауаа ацхыраара рынаҭоит. Ақәра ду нызҵуа ауаа, ҳҭоурыхи ҳқьабзқәеи иузырҟәымҭхуа ирыдҳәалоуп. Ас еиҧш иҟоу абыргцәа, ирхыргахьоу ауадаҩрақәа азгәамҭакәа, адоуҳатә беиареи ақьиареи еиқәдырхоит. Аҧсуара Инарҭбааны «Атеатри ахәыҷқәеи» - аҟазареи абзиабара рылааӡара. «Атеатри ахәыҷқәеи» - афонд еснагьтәи проектуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, есымза, Аҧсны араионқәа рҟынтә знык, ахшара рацәа змоу, иара убас зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рҟынтә ахәыҷқәа алшара рымоуп аҳҭны қалақь аҟны иҟоу атеатрқәа руак аҿы аспектакль ахәаҧшра. Ахәыҷқәа ирбоу аҟазара анаҩс, анашанатә дунеи аҧсҭазаарахь ршьаҿақәа еихыргоит, уи хьӡысгьы иамоуп «Атеатр». Хымҧада, ахәыҷқәа рзы уи арызҵазкуа хҭысуп. Аспектакль анаҩс, ахәыҷқәа рзы афонд еиҿнакаауеит ақалақь аҩныҵҟа аныҟәарақәа. Акультуреи Аҵарадырреи Аҿар Инарҭбааны «Агәабзиара» -ахәыҷқәа ргәабзиарахьчара ахьчара «Агәабзиара» - афонд еснагьтәи проектуп, ахәыҷқәа ргәабзиарахьчара ахьчара иазкуп. Апроект хықәкыс иамоуп ачымазара зыцны ииз ахәыҷқәа ргәабзиара ашьақәыргыларазы ҳҳәынҭқарраҿы аус зуа ареабилитациатә центр адгылара, аматериалтә цхыраара азура. Асоциалтә Инарҭбааны «Агәамч» - аспорт абзиабара рылааӡара Агәамч - афонд еснагьтәи проектуп, еизҳауа абиҧара аспорт абзиабара рылааӡара иазкуп. Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, есымза «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҳтәыла ақыҭа школқәа аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәнаршәоит. Ақыҭақәа рҿы аспорт аҿиара ацхыраара аҭара, уаҵәтәи аҧеиҧш лаша иазкуп. Аҿар Инарҭбааны Агәыразра – аҵаҩцәа рзы ацхыраара Еснагьтәи афонд апроект, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау ашкол аҵаҩцәа рыцхыраара иазкуп. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», есымза, жәаҩык ашколхәыҷқәа , аӡәыцыҧхьаӡа, аанызқь мааҭ аҧара аҳәаақәа ирҭагӡаны,ирыгу ирыбзоу амаҭәақәеи, ашкол аҟны рхы иадырхәо амаҭәахәқәеи рзаархәоит. Апроект аусура аҟны адгылара ҟанаҵеит Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра. Урҭ, афонд, асиа рзышьақәнаргылеит, амамзаара иахҟьаны, ашкол ахь имцоз ахыҷқәа рсиа ашьақәыргылараҟны. Аҿар Асоциалтә Инарҭбааны «АҦЕИҦШ» - ҭаацәарақәа дуу рыцхырааразы. Ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рыцхырааразы, апроект ҿыц «Аҧеиҧш» аусура хацнаркит Адемографиеи Арепатриациеи Асоциалтә Инарҭбааны «Ани амаалықьи» «Жәлабжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала апроект ҽыц аусура иалагеит. Уи хьӡыс иамоуп «Ани амаалықьи». Апроект аҧсуа ҭаацәарақәа рҿы ҿыц ииуа ахәыҷқәа ирызкыуп. Даара агәырӷьара зцу хҭысуп, аҭаацәараҿы ахәыҷы иира. Уи ҳара ҳфонд адгылара анаҭоит. Убри азыҳәан иҳархиеит аҳамҭақәа, ан лымаалықь иааӡараҿы ацхыраара лнаҭоит ҳәа хықәкыс иҟаҵаны. Уи еиднакылоит ахәы зҭарҵо аҧаҭлыкақәа, ацәымҳа, ашоурашәага, акремқәа уҳәа. Убри инаҷыданы, ахәыҷы ииашаны иааӡараҿы ан лхы иалырхәо ашәҟәы, ахәыҷқәа рзы аҧсуа шәҟәқәа, ахәыҷқәа рашәақәа зну адиск. Адемографиеи Арепатриациеи Асоциалтә Инарҭбааны "Академиа" - Арҵаратә центр Арҵаратә центр «Академиа» - «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» еснагьтәи апроектқәа ируакуп. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, алшара ыҟоуп аҵарадырра аганахь ала ахәҧса шәаны абызшәақәа рҵара. Иаҳҳәозар: аҧсшәа, англыз, араб, аиспан, аиталиан, аурыс, аҭырқәа бызшәақәа. Зҧышәа ҳараку арҵаҩцәа аус руеит ҳаамҭа иақәшәо аметодика ахархәарала, убри аан атехника рхы иархәаны. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧысуеит ашколхәыҷқәа рзеиҧш, астудентцәеи, аиҳабацәеи рзы.
http://www.fondapsny.org/ab/proekty/aproektka
2024-03-01T08:36:22Z
<urn:uuid:cda7c279-5622-4a61-9bee-586a12397a16>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.79
0.99
29
7,258
tlsh:T1381A25E18B44DB4BC673C185DA828E3A18D168078323B2308FCEB475154509DFAFCC12AAFBF90A5AB0EB1115D265BE616A0EECDD397CABE3315250A06D3F39CD17A436C5EE
Жәабран 19, 2015 шықәсаәа .Аҟәа араион. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа араион актив дырҧылеит. Аиҧылара иалахәын Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Жәлар Реизара Аҟәа араион аҟнытә адепутатцәа Валери Кәарҷиа,Фазлыбеи Аҩыӡба. Ахада бзиала уаабеит ҳәа иаҳәо, Аҟәа араион Аусбарҭа ахада Беслан Аҩӡба аизара иалахәыз ирзеиҭаиҳәеит араион иаҵанакуа адгьылқәеи аобиектқәеи инвентаризациа рзуразы имҩаҧысуа аусура атәы. «Иара убри аангьы, уаанӡа иҟамыз, ҳраион ааигәеи аҧхьаҟатәи аамҭақәа рзы аҿиара апрограмма аиқәыршәара аус адулара ҳаҿуп», - иациҵеит Аҩӡба. Иара убас уи иеиҭаиҳәеит араион Аизареи араион Аусбарҭеи еидгыланы иаҧырҵо ауаажәларратә дкыларҭа атәы ақыҭақәа русбарҭақәеи дареи реимадара арҕәҕәаразы. Беслан Аҩӡба Аҧсны Ахада иаиҳәеит Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Аинвестициатә программа аҳәаа иҭагӡаны аусура амҩаҧгаразы апроекттә-харџьынҵатә шәҟәқәа шазырхиоу. Иара убас иазгәеиҭеит уаанӡа Аҟәатәи араион амҩақәа реиҭашьақәыргылареи, аӡымҩангагақәа рышьҭаҵареи рзы ас еиҧш ҧарала ацхыраара аиуны ишыҟамлацыз. Аусбарҭа ахада иҳәеит игәаанагара араион аҟны аус зуа анаплакқәа ирылҵуа ашәахтәқәа зегьы араион абиуџьет азныжьра ашаҭаху азы. Иеизаз рахь ихы нарханы Раули Ҳаџьымба агәра игар шиҭаху иҳәеит Аҟәатәи араион аҟны иҟоу ауадаҩрақәеи ҧхьаҟа аҿиареи ирыдҳәаланы иаарту аицәажәара шымҩаҧысуа атәы. Ахада иҳәеит атәыла аекономика аҭагылазаашьа шыхьанҭоугьы уи алҵразы алшарақәагьы шыҟоу. «Урыстәыла иара ауадаҩрақәа шамоугьы, ҳтәыла ианаҭо ацхыраара иацнаҵоит. Уахь иаҵанакуеит атәанчахәқәеи ауалафахәқәеи рышьҭыхра. Уи хышықәса рыҩныҵҟала. Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Аинвестициатә программа анагӡара иацҵо, асоциалтә проектқәа рыдагьы, уи шьҭа Аҧсны ааглыхра аҿиарагьы иазкхоит»,- иациҵеит уи. . Раули Ҳаџьымба аизара иалахәыз иреиҳәеит имҩаҧысуа арҭ аусхкқәа зегьы ҳара иҳамоу асоциалтә-економикатә проблемақәа Урыстәыла ажәҩа иқәаҳҵоит ҳәа аанагаӡом. «Ҳара ихьыҧшым ҳәынҭқарроуп аҟнытә ҳастатус Аконституциаҟны мацара акәымкәа, ҳекономикатә лшарақәа рылагьы ҳақәшәо ҳҟалароуп»,- иҳәеит Ахада. Аиҧылараҿы ишьҭыхын аҳәынҭқарратә биуџьет адкылара апроцесс иадҳәалоу, аконституциатә еиҭакрақәа, иара убас араионтә еизарақәа рзиннаӡақәа рырҭбаара, асоциалтә инфраструктура уҳәа азҵаарақәа жәпакы. «Аҟәатәи араион, еиҳарак, қыҭанхамҩатә раионуп, аха атуристтә лшара дуқәагьы амоуп, иахьагьы иаҧаҳҵар ҳалшоит араион аекономика аҿиаразы ицхыраагӡаны иҟалаша аҭыҧқәа. Иаҳҳәап, иҟоуп абаҕәазатә лшарақәеи аидара мҩангара арҿиареи ирыдҳәалоу зҿлымҳара зыҭатәу агәаанагарақәа. Излауала Ешыратәи аспортбазеи егьырҭ аобиектқәеи аинвесторцәа разхьарҧшра хықәкыс иҳамоуп», - ҳәа азгәеиҭеит Раули Ҳаџьымба. Уи иацҵаны иҳәеит аинвестициақәа радҧхьаларазы агәарагара ыҟазароуп, ауаа ркапитал иацыәмшәартә еиҧш. «Шьҭа ҳаҟәыҵроуп «иаанкылоуп», «сыхәҭаа» ҳәа ахәыцра. Ари ҧхьаҟа аҿиара иаҧырхагоуп. Изҧырхагоугьы ажәлар роуп», - иҳәеит Ахада. Араион аҿы инхо ауаа ргәы иҵхон ақыҭа школқәа рызҵаара, хазхаҭалатәи анхамҩа рзы аҳәынҭқарраҟнытә ацхыраара, ақыҭанхамҩа иадҳәалаз апроблемақәа уҳәа уб.егь. Адепутат Валери Кәарҷиа ишьҭихит араион анҟы амҩақәеи аӡымҩангареи рызҵаарақәа. Ахада иазгәеиҭеит Урыстәыла аимпортцынхәра иадҳәалоу алшарақәа рхархәара аҵак ду. Ари Урыстәылеи Аҧсни рыбжьара атауареикәшара аизырҳара алнаршоит, абиуџьет ахашәалатә хәҭа акырӡа иханарҭәаауеит. Раули Ҳаџьымба иҳәеит араионқәа зегьы рҿы ауааҧсыра рҧылара гәҭакыс ишимоу. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/1509/
2024-02-24T18:55:19Z
<urn:uuid:e4332599-f08f-45dc-8e75-413617572991>
[ "footer" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.9
0.98
20
7,173
tlsh:T1ED2783E17840CB4BC5B3C459DA819A355CC168034762B660CEC9F5B10A46059EFFCD13AAFFF9098B70EB1612D2A2FF10664AADE6297D6EE7709240A16D3F38DD27E435C19E
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Словакиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Матуш Бушовски диҧылеит. Аиҧылара аибадырратә ҟазшьа аман. Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Словакиатәи ареспубликеи рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа ҩ-ганктәии аганрацәалатәи усеицура иаҵанакәа азҵаарақәеи урҭ рырҭбааразы иҟоу алшарақәеи ирылацәажәеит. Хшыҩзышьҭра рызун евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла иҟоу апрогресси Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьаразы Еврокомиссиа иҟанаҵаз абжьагареи. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, Европатәи ахеилак аҟынтә иазыҧшуп Еврокомиссиа иҟанаҵаз абжьагара ашьақәырҕәҕәара. Иракли Ҕарибашвили Матуш Бушовски ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи адгылареи, иара убас, евроинтеграциа апроцессаҿ ацхыраареи азыҳәан. Аиҳабыра рнапхгаҩы ацҳаражәҳәаҩ амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идныҳәаланы, наҟ-наҟтәи иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит. АПОЛИТИКА Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили 2 Еиҧшу Иракли Ҕарибашвили – Агәра ганы сыҟоуп ҳара аглобалтә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны алҵшәа дуқәа шҳауа, адунеитә масштабла изҩыдоу, ишәҭыкакаҷу аҧеиҧш аиқәыршәара шҳалшо Иракли Ҕарибашвили адунеитә економика алидерцәа иформалымыз ршьыбжьхьа ихы алаирхәит Иракли Ҕарибашвили аилахәыра TAQA анапхгаҩы диҧылеит Аҳәынҭқарра, зынхарҭатә ҭагылазаашьа цәгьоу 1000 ҭаацәара анхарҭа ҿыцқәа рнаҭоит Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду ргәырҕьаҵәа иаҧыларц рзеиҕьасшьоит, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаҧсадгьылгьы Анцәа илҧха ҳагымзааит, аҭынчра ҳамазааит Иракли Ҕарибашвили Хавиер Коломина диҧылеит Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ари аус ҳазықәҧон, аус аауан, атәыла анапхгареи ажәлари ари астатус ҳҽаҧсаҳтәит Иракли Ҕарибашвили Урсула фон дер Лаиен лахь - Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит, ари аӡбара Қырҭтәылеи европатәи адемократиақәа рҭаацәареи ҕәҕәала еиднаҳәалоит Иракли Ҕарибашвили Евроеидгылаҿ ахантәаҩра змоу атәыла – Испаниа аҧыза-министр иахь - Қырҭтәыла, Евроеидгыла ҳаҧхьаҟатәи алахәыла аҳасабала, Европа ашәҭыкакаҷраҿы зҵакы дуу ароль нанагӡоит Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель иахь – Ҳажәлари анапхгара ззызуа аиҳабыреи ҳазну амчыбжь азы Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит Амш зеиҧшрахо 2° амҽ Қaрҭ амҽ 3° ашә 4° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Каха Калаӡе - Иракли Кобахиӡе зегьы реиҳа ибзианы идыруеит аиҳабыра ирызкны идикылаша аӡбара Иахьа инаркны аӡыргаратә ацҳамҭақәа рышьҭра адресат иқәшаҳаҭра мацара ашьҭахь алшахоит Павел Ҳерчински - Анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи аганахьала Қырҭтәыла аҧхьагылара шамоу аазырҧшуа аҭҵаарақәа гәахәаала аҧара рзоуҳажьҭуеит
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-gharibashvili-slovakiati-arespwblika-atcharazhhaui-tchvmtc-diphmleit/
2024-03-02T22:44:36Z
<urn:uuid:891f3cea-9dfb-4487-b3f0-6f532997c85e>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.61
0.99
36
5,632
tlsh:T1EF7830C18A04DB0BE5B7C159CBD18A353DD2390A8311B264CDCAF97166461A8FFFCD13A9F9E84A5AB09B1922C162BF006609ECE718BEBBD7711600A55D3F38DE3B8471C69D
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа-аветеранцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит! Ааԥхьараҟны иҳәоуп: «Акыр иаԥсоу аибашьцәа – 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа! Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш. 1992–1993 шш. иуадаҩыз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан ацхырааразы иаҳзааз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа зегьы еидызкылоз акәны иҟан аиашьара, аиҩызара аныҟәгара, аиашара адгылара, аҭынчреи агуманизми рыхьчареи алзыршо аҟазшьақәа. Ҳара ахаангьы иаҳхашҭраны ҳаҟаӡам Аиааира агараҟны хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рлагаламҭа. Ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Аԥсны жәлар 1992 шықәса нанҳәамза 14 рзы изҭагылаз арыцҳара зхатә уск еиԥш издызкылаз арԥарцәа, урҭ Аԥсны Аҳәынҭқарра иақәлаз ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ирҿагыланы ақәԥараҟны иаадырԥшыз афырхаҵара. Ҳхырхәоит абас еиԥш аҵеицәа хьӡырҳәагақәа зааӡаз анацәеи абацәеи рҿаԥхьа, урҭ рахьтә аӡәырҩы Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит. Хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа реиҿкаара милаҭ еилых дамаӡам. Аибашьра ианналага аԥхьатәи амшқәа инадыркны урҭ ҳаибашьцәа иарӷьажәҩаны ирыдгыларц азы иааит Аҩадатәи Кавказ ареспубликақәа, Урыстәыла егьырҭ арегионқәа, Аԥсны анҭыҵ иҟоу аԥсуа диаспора ахьынхо атәылақәа, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика, Алада Уаԥстәыла Ареспублика уҳәа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рыҟнытә. Урҭ ргәымшәареи рфырхаҵареи аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рыҩныҵҟа ҳазнысыз амҩа лашарбагаҵас иарлашон, ҿыц игыло Аԥсны абиԥарақәа рзы ҿырԥшыга бзианы иҟан. Ҳара ҭакԥхықәраны иҳадуп иахьагьы уаҵәгьы Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рыхьӡ акамыршәра».
https://parlamentra.org/ab/novosti/4191.html
2024-02-24T11:42:30Z
<urn:uuid:279e97f0-8f8a-47b7-a7d8-9bd073f07375>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
9
3,144
tlsh:T1655AC8510995979FD9F7D5559F96997669956D5696567A65DFD6F5B5565755EEFFDD57D9ABD95A9775EB6566D556EA55E95EEEF6557A7AD775D655E56D6F7DDD7B957595DE
Аслан Бжьаниа аспортсмен қәыԥш аиааира идиныҳәалеит, аспорт аҟны аԥхьаҟатәи аихьӡарақәа изеиӷьеишьеит. «Аферым. Уеихьӡарақәа ҳреигәырӷьеит. Иара убас ашкол аҿгьы аҵара бзианы иуҵалароуп»,- иҳәеит Аслан Бжьаниа, ахықәкы ацхәхьамҵра, аҽазҵәылхра, ахы агәрагара шаҭаху дазхьарԥшны. Ақәԥаҩ Ахада аҵара бзианы ишиҵало ала ажәа ииҭеит, иара убас аԥхьаҟатәи аицлабрақәа рҟынгьы иҟазара аарԥшра дшазхиоу иҳәеит. Абоксиор иазыҟаҵаҩ Ҭемраз Гьергьедаа Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит ареспубликаҟны аспорт аҿиара иаиҭо адгыларазы. «Ари = таитәи абокс аҟны мацара акәӡам, егьырҭ ахкқәа рҟынгьы. Атәыла анапхгара аҿар реиҵааӡараҟны абас аҵак ду змоу ахырхарҭа ишазыҟоу аабоит. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит»,- иҳәеит иара. Аиԥылара иара убас далахәын Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Асҭамыр Гьерхьелиа, АК «Гьаргь Аиааира зцу» анапхгаҩы Коба Гогохьиа. Аиԥылараҟны иара убас ишьҭыхын ареспубликаҟны абаҩрҵәыра аҿиараҟны иактуалтәу азҵаарақәа. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16133/
2024-02-21T15:07:20Z
<urn:uuid:53508460-6121-4e3b-b3c5-9c1bee65d026>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.85
0.86
0.95
14
2,554
tlsh:T19FE086517940CF4BD2B3C499EA528A3568D0180643723750CECEF4B55243088EAFCD13E3FBF8165BB8E74621C162F610B50EBDEA647DAAE3608241A63C3F38EC37643585AE
Иенс Столтенберг – Иарбанызаалак адемократиатә ҳәынҭқарра Алианс алаларазы аҳәара аҟаҵара азин амоуп, аӡбара ҳадаҳкылоит Алианс иалоу 30 ҳәынҭқарра рконсенсус ашьаҭала - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иенс Столтенберг – Иарбанызаалак адемократиатә ҳәынҭқарра Алианс алаларазы аҳәара аҟаҵара ... Иҵегь аҭагалара Иенс Столтенберг – Иарбанызаалак адемократиатә ҳәынҭқарра Алианс алаларазы аҳәара аҟаҵара азин амоуп, аӡбара ҳадаҳкылоит Алианс иалоу 30 ҳәынҭқарра рконсенсус ашьаҭала 22:24, 30.09.2022 «Украина ахатә мҩеи ахатә шәарҭадара аиқәыршәаразы иаҳа ирзеиҕьу архитектуреи алхра азин амоуп, уи аҿы Украина ҳадгылоит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг ирласу аҧҟарала НАТО алалара иазкны Украина иҟанаҵаз аҳәара данахцәажәоз. Столтенберг иҳәамҭала, иарбанызаалак адемократиатә ҳәынҭқарра Алианс алаларазы аҳәара аҟаҵара азин амоуп, аӡбара рыдыркылоит Алианс иалоу 30 ҳәынҭқарра рконсенсус ашьаҭала. «Иарбанызаалак европатәи адемократиатә ҳәынҭқарра Алианс алаларазы аҳәара аҟаҵара азин амоуп. НАТО ари азин пату ақәырҵоит. Ҳара изныкымкәа иҳҳәахьеит НАТО ашәқәа шаарту, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы уи ааҳарҧшит. Мадридтәи асаммит аҿы ҳара иаҵшьны иазгәаҳҭеит Украина ахатә мҩеи ахатә шәарҭадара аиқәыршәаразы иаҳа ирзеиҕьу архитектуреи алхра азин шамоу, уи аҿы Украина ҳшадгыло. Ҳәарада, аӡбара ҳадаҳкылоит Алианс иалоу 30 ҳәынҭқарра рконсенсус ашьаҭала. Уажәазы ҳара, зыҧшра ҟамҵакәа Украина ҳацхраароуп гәымбылџьбаратә аурыс интервенциа аҿагылараҿы. Уажәазы уи ауп хықәкыс иҳамоу», — иҳәеит Столтенберг. Иахьа Украина ахада Владимир Зеленски ишааицҳаз ала, Украина ирласу аҧҟарала НАТО алаларазы аҳәара ҟанаҵеит. АДУНЕИАҾЫ НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг украина 0 Еиҧшу Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит Қарҭтәи ателебааш Украина абираҟ аҧштәқәа рыла ирлашоуп Иенс Столетнберг - Украина хымԥада Нато илалоит, уаанӡа алианс ари атәыла адгылара нанагӡоит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Украина асуверенитети атерририатә акзаареи хьаҵра змам адгылара азышьақәҳарӷәӷәоит Аибашьра иалагеижьеи ҩышықәса ҵра инамаданы, Украина адгылара аарԥшразы, Канадеи, Бельгиеи,Италиеи рԥыза-министрцәа Италиа иаҭааит Шьалуа Папуашвили - Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи разықәԥараҿ украинатәи жәлар рфырхаҵара иҿырԥшыгоуп, ари еиҟарам аибашьраҿ Қырҭтәыла Украина адгылоит Саломе Зурабишвили - Ҩышықәса ҵит, аха Урыстәыла аиаара агара алымшеит, украинатәи жәлар реихшара алымшеит Бундестаг украинатәи аган амҵәыжәҩақәа змоу аракетақәа Taurus рыҭара адымгылеит Давид Арахамиа - ЕАШ аҟынтә ацхыраара маҷхар, иаҳа ирацәаны ауаа рмобилизациа аҭаххоит Амш зеиҧшрахо -1° аҩ Қaрҭ Ах -3° аҧшь -2° Авалиута акурс $ USD 2.6525 0.001 € EUR 2.8769 0.007 ₽ RUB 0.02873 0.077 £ GBP 3.3631 0.004 TOP 5 Қырҭтәыла VS Сербиа Актәи аканал аҿы - итәу "Қарҭтәи аренаҿ" арекордсен Гьаргь Цинцаӡе амҵәышәмпыд аҟынтә днаскьаргоит #1TVSPORT Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит Илиа Дарчиашвили ЕАР ауаҩытәыҩса изинқәа рхеилак иреиҳаӡоу аҩаӡара змоу асегмент 55-тәи асессиа ихы алаирхәоит Илиа Дарчиашвили – Агәра ганы ҳаҟоуп жәларбжьаратәи ауаажәларра рпозициа ҕәҕәа ахадаратә ҵакы шамоу Урыстәыла ахатә ҧхықәрақәа нагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагарц азыҳәан
https://1tv.ge/lang/ab/news/iens-stoltenberg-iarbanmzaalak-ademokratiat-hmn%D2%ADqarra-alians-alalarazm-ahara-akhacara-azin-amowp-adzbara-hadahkmloit-alians-ialow-30-hmn%D2%AD/
2024-02-27T01:47:14Z
<urn:uuid:47aea493-485d-4acc-984c-b1ad2060aa6c>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.6
0.96
52
6,502
tlsh:T1BCBCCBD17980DB47D6B3C0548B818B367DC179474222A220CEC9F4751642059EFFCC13A6BEEC494B70AB5515D162BF016A0AFCDA187EBFD7715240D52D2F38EE37D8B68AAE
Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь (аур. Михаил Мамедович Трапш; жьҭаарамза 10, 1917 ш. Ҟәланырхәа, Аҟәатәи аокруг, Урыстәылатәи ареспублика – жәабранмза 24, 1968 ш. Аҟәа, Аԥснытәи АССР, Қырҭтәылатәи ССР) — раԥхьатәи аԥсуа археолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, апрофессор, Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырратә усзуҩы (1967 шықәсазы). Аҭҵаарадырратә статиақәа жәпакы дравторуп. Анысмҩа[аредакциазура | акод аредакциазура] Диит Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь Аԥсны, Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан, 1917 шықәса жьҭаарамза 10 рзы, анхаҩы иҭаацәараҿы. Гәдоуҭатәи ашкол быжь-класски, Гәдоуҭатәи ақыҭанхамҩатә техникуми данрылга анаҩс, 1935 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи апедагогигатә институт (иахьа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет), уи дагьалгоит ибзиаӡаны 1939 шықәса рзы. Аҵара аамышьҭахь, Михаил Ҭраԥшь Асовет Архәҭақәа рахь арра иԥхьоит. Аррамаҵзура дахысуан Ҟрым, ақалақь Симферополь. Аррамаҵзура иахысра аамҭазы иалагоит Адунеизегьтәи аџьынџьтәылатә еибашьра Ду, Михаил Ҭраԥшьгьы афронт ахь ддәықәырҵоит. Ленинград аҵаҟа ицоз аибашьра аҿы ахәрагьы иоуеит. Даныбзиаха арратә ҵараиурҭа дҭалоит, аснаиперцәа азыҟаиҵон. 1942 шықәса инаркны иара ВКП(б) КПСС далахәылахоит. 1949 шықәсазы Михаил Ҭраԥшь Қырҭтәылатәи ССР анаукақәа Ракадемиа И. А. Џьавахишвили ихьӡ зхыз аҭоурыхи, археологиеи, аетнографиеи Ринститут аҟны аспирантура далгоит. 1957 шықәсазы акандидаттә диссертациа ихьчоит атема «Калдахәаратәи ижәытәӡатәиу аԥсыжырҭа» атема ала, 1961 шықәсазы иҭыжьын аус адуланы, насгьы инарҭбааз монографианы еиҭаҭыжьын, «Аԥснытәи АССР Ҟәланырхәа ақыҭантәи колхидатәии аскифтәии баҟақәа» ҳәа ахьыӡны. 1962 шықәсазы Михаил Мамеҭ-иԥа напхгара аиҭон Аԥснытәи анаукаҭҵааратә институт археологиа аҟәша, аамҭак азы Аҟәатәи аҳәынҭқарратә апедагогикатә институт аҿы алекциақәа дрыԥхьон. Археологиатә еикспедициақәеи, Аҟәа, Афон Ҿыц, Пицунда уҳәа аҭыԥқәа рҟны ажрақәеи дрылахәын. Апедагогикатә усура инаваргыланы Михаил Ҭраԥшь ауаажәларратә усурагьы инапы алакын – изныкымкәа далырххьан Аҟәатәи ақалақьтә пленум апартиа акомитет алахәылас, насгьы Аҟәа ақалақьтә хеилак адепутатс. Аԥснытәи Ахеилак Қарҭтәи аилазаара абаҟақәа рыхьчаразы анаԥырҵа инаркны Михаил Ҭраԥшь дрылахәын Аԥсны абаҟақәа рыхьчаразы имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатәқәа зегьы. Аџьынџьтәылатә еибашьра[аредакциазура | акод аредакциазура] Ус, хара имгакәа, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагеит, Михаилгьы афронт ахь дцеит. Ленинград ахақәиҭтәразы аидысларақәа дрылахәын. Михаил Ҭраԥшь аибашьра зегьы дахысит, уи анынҵәоуп аҩныҟа данаа. Урҭ аамҭақәа игәалаиршәоит ҳаамҭазтәи археолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Олег Бӷажәба. «Михаил Мамеҭ-иԥа сара схәыҷаахыс дыздыруан, аха иара изку раԥхьаӡатәи сгәалашәара инықәырԥшшәа 1947 шықәсахьы иаҵанакуеит. Усҟан иара аибашьра аҟынтә дхынҳәхьан, аха зегь акоуп, аррамаҭәа ишәын. Сымҩашьозар, дкавалеристын», — ҳәа еиҭеиҳәоит аҵарауҩ, анаҩс иааигәаны археолог аус ицызуаз. Иԥсадгьыл аҿаԥхьа иуалԥшьа нагӡаны, Михаил Ҭраԥшь еснагь игәы ззыҳәоз иус дазыхынҳәит. Археологиа азыхынҳәра[аредакциазура | акод аредакциазура] Раԥхьатәи апрофессионалтә аԥсуа археолог Михаил Ҭраԥшь аԥсуа археологиатә ҭҵаарадырра ашьаҭа икит, уи иусумҭақәа уасхырны ирзыҟалеит иаамышьҭахь еиҵагылаз егьырҭ аԥсуаа ҵарауаа. Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь дшыхәыҷыз археологиа агәыбылра икит ҳәа агәра ганы иҟоуп иколлегацәа аӡәырҩы. Зегь раԥхьаӡа иҭиҵааз Ҟәланырхәатәи аԥсыжырҭоуп, уи иара дахьиз, дахьааӡаз аҩнаҭа азааигәара иҟоуп. 1948 шықәсазы Ҭраԥшь иқыҭа гәакьа Ҟәланырхәа археологиатә жрақәа дрылагеит, иагьиԥшааит ихьшәоу аџьаз аамҭеи заатәи аиха аамҭеи репохахь иаҵанакуа колхидатәи, аскифтәи акультурақәа иртәу аԥсыжырҭақәа. Ари аԥсыжырҭа нас Ҟәланырхәатәи ҳәа ахьӡ аиуит, уи инарҭбааны аҭҵаара шьаҭас иаиуит Михаил Ҭраԥшь 1951 шықәсазы иихьчаз икандидаттә диссертациа. Аспециалистцәа ргәаанагарала, ари аусумҭа ахә ҳаразкуа акоуп – Ҟәланырхәатәи аԥсыжырҭа – Мраҭашәаратәи Кавказ аҵакыраҿы ихьшәоу аџьаз аамҭеи, заатәи аиха аамҭеи репохахь иаҵанакуа раԥхьатәи иҭҵааз баҟаны иахьыҟалаз. Археолог инарҵауланы иҭиҵаауаз теманы иҟалеит, иара убас, ажәытәтәи Аҟәа. Михаил Ҭраԥшь Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы ажрақәа дрылагеит 1951 шықәсазы, Аҟәатәи ашьхаҿы. Уаҟа иара раԥхьаӡа акәны ибеит ихьшәоу аџьаз аамҭахь иаҵанакуа аџьазрҭәаратә ҟазарҭақәа. 1956 шықәса инаркны 1960 шықәсанӡа, Ҭраԥшь иҵижааит Алашарбага аҳаблаҿы иҟаз аԥсыжырҭа ду. Ҩышықәса рыбжьара иҭиҵаауан, иара убас, Баграт ишьхаҿы игылоу абжьаратәи ашәышықәсазтәи абааш. Зымҽхак ҭбааз абарҭ иархеологиатә ҭҵаарақәеи иибаз аԥшаахқәеи ирылҵшәаны ауп Михаил Ҭраԥшь дшазааиз абас еиԥш алкаа: Аҟәа ақалақь ахьгылоу аҭыԥан игылан ажәытә аурым қалақь Себастополис. Михаил Мамеҭ-иԥа напхгара зиҭоз, акрызҵазкуаз археологиатә експедициан Ҵабалтәи аекспедициа. Уи 1960 шықәсазы иалагеит, иагьхыркәшахеит 1967 шықәсазы. Абарҭ быжьшықәса ирылагӡаны, уаҟа иԥшаан 180 ԥсыжырҭа инареиҳаны. Аҵарауаҩ, амҩақәҵаҩ[аредакциазура | акод аредакциазура] Ҵабалтәи ажрақәа раан Ҭраԥшь инапхгарала аус руан абаҩхатәра злаз археологцәа қәыԥшқәа аӡәырҩы. Афизик Исаак Ниутон иажәақәа рыла иуҳәозар, Михаил Ҭраԥшь иакәын «ауаҩнырҳа», заԥхьаҟа иҵарауаҩцәа дуқәаны иҟалашаз арԥарацәа зыжәҩахыр иқәыргыланы иаазгоз. Гьаргь Шамба, Михаил Гәынба, Иури Воронов, Олег Бӷажәба реиԥш ҳаҭҵаарадырраҿы икорифеицәаны иҟалаз археологцәа зегьы иара инапхгарала имҩаԥысуаз аекспедициақәа рҿы аус руан, имҩа иацызҵоз иҵаҩцәа ракәын уҳәар ауеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Аԥсны Раԥхьатәи ахадас иҟалараны иҟаз Владислав Григори-иԥа Арӡынбагьы. Аусумҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Аԥсуа археологиа аклассик акрызҵазкуа егьырҭ иусумҭақәа ируакуп Афон Ҿыц аҭҵаарақәа, хаҭалагьы Анаҟәаԥиатәи абааш, иара убас Пицунда имҩаԥигоз ажрақәагьы. Аҭҵаарадырратә усура анахысгьы Михаил Мамеҭ-иԥа 1955 шықәса инаркны, иԥсы ахьынӡаҭаз Аҟәатәи арҵаҩратә институт астудентцәа археологиа дырзаԥхьон. Михаил Ҭраԥшь хараӡа Аԥсны анҭыҵгьы аҳаҭыр зқәыз ҵарауаҩын. Иҵара ашықәсқәеи иархеологиатә практикеи раан, еиуеиԥшым аекспедициақәа дрылахәнаҵы аҭоурыхҭҵааҩцәеи археологцәеи дуқәа аӡәырҩы драбадырит, уинахысгьы реимадара имырӡӡеит. Иаҳҳәап, иара аус зциуаз аҵарауаа нагақәа ируаӡәкын Александр Иессен, Евгени Крупнов, Борис Пиотровски. Михаил Ҭраԥшь аусура бзиа избоз, зегьы абырҵкал икылзхуаз ҵарауаҩын, «бжьынтә ишәаны знык ихызҵәо» ҳәа ззырҳәо дреиуан. Иара ахаангьы алкаақәа рыҟаҵара дахыццакуамызт, убри аҟнытә иқәиргылаз арыцхәқәа зегь иашоуп ҳәа шьақәырӷәӷәан. Михаил Мамеҭ-иԥа аамҭак ала ҩ-усумҭа дук ахьчаразы иазирхиеит уҳәар ауеит: акы ажәытә Аҟәа иазкын, егьи – Ҵабал. Нас убарҭ рҟынтә рыуа иқәиргыларыз изалхуамызт. Рыцҳарас иҟалаз, адоктортә диссертациа ахьчара дахьымӡагәышьеит – иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь иҭынхаз аҭҵаарадырратә усумҭақәа рыхә шәашьак амам, рхыԥхьаӡарагьы маҷым. Аԥсуа археологиа уасхыр ӷәӷәас иаҵагылоуп. Михаил Ҭраԥшь қәра дук нимҵит. Иара иԥсҭазаара далҵит 51 шықәса дшырҭагылаз, 1968 шықәса жәабран 28 рзы. Ахатәы ԥсҭазаара[аредакциазура | акод аредакциазура] Ихатә ԥсҭазааразы иаҳдыруа маҷуп. Ҭраԥшь ҩынтә аԥҳәыс дааигахьан. Аҩбатәи иԥҳәыс Валентина Григори-иԥҳа лхаҵа зегь рыла дивагылан, археологиатә жрақәа дрылахәын, иара дызҿыз аус ҳаҭыр дула дазнеиуан. Михаил Мамеҭ-иԥа даныԥсы, лара лыбзоуралоуп иусумҭақәа акьыԥхь шырбаз, ԥшь-томкны рҭыжьрагьы лара лааԥсарала иҟалеит. Аҵарауаҩ иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахьгьы, уи игәалашәара аҳаҭыразы лара акырӡа шықәса археологиатә експедициақәа лхы рылалырхәуан лаборантк иаҳасабала. Михаил Ҭраԥшь иԥсҭазаара зегьы аҭҵаарадырра амаҵ аура иазкын, аԥсуа археологиа ашьаҭаркҩыс дҟалеит. Иара иҭҵаарадырратә ԥшаарақәа роуп ҳаԥсадгьыл ажәытәтәи аҭоурых зеиԥшраз агәылаԥшра иацхрааз. Агәалашәара[аредакциазура | акод аредакциазура] Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь аҵыхәтәантәи ишықәсқәа рзы, инарҵауланы археологиатә ԥшаарақәа рнаҩсгьы, иоуз археологиатә дыррақәа раларҵәарагьы дашьҭан. Иара аамҭак азы идууз ҩ-монографиак аус рыдиулон – «Ижәытәӡатәиу Аҟәеи» «Ҵабалтәи анекрополь акультуреи». Аха, аԥсра алшара инамҭеит арҭ иҭҵаарақәа шәҟәны рҭыжьра абара. 1968 шықәса, февральмза 28 рзы Аԥснытәи АССР Аминистрцәа Рхеилак аӡбамҭа аднакылоит 1968–1970-тәи ашықәсқәа ирылагӡаны Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь инаукатә ҭынха аҭыжьразы. Қырҭтәылатәи ССР анаукақәа Ракадемиа, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи рзы аԥсуа институти, ашәҭыжьырҭа «Алашареи» рыбзоурала иаԥҵан ашәҟәқәа рҭыжьразы аредакциатә коллегиа, уи аилазаараҿы иҟан Қырҭтәылатәи Анаукақәа Ракадемиа алахәыла-акорреспондент А. М. Апакиӡе, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдокторцәа Г. А. Ӡиӡариа (ахантәаҩы), Ш. Д. Инал-иԥа, А. Х. Халиков, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Л. Н. Соловиов, аҟазараҭҵааратә ҵарадыррақәа ркандидат Л. А. Шервашиӡе. Аредколлегиа абжьгара азыҟаҵан Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь иҭҵаарадырратә ҭынха зегьы ԥшь-томкны иҭрыжьырц. Актәи атом азкын аџьази, заатәи аихаӡеи ршәышықәсақәа рбаҟақәа, урҭ рыбжьара аҭыԥ ду ааннакылон VIII–VI ашәышықәсақәа ҳера ҟалаанӡатәи Ҟәланырхәатәи аԥсыжырҭа. Ари ашәҟәы аҟны зыӡбахә ҳәаз аматериалқәа инарываргыланы икьыԥхьын аҭаҵәахқәеи колхиданӡатәии колхидатәи аамҭазтәии аԥшаахқәеи ртәы зҳәоз аматериалқәа (Галтәи, Очамчыратәи, Лыхнытәи уҳәа егь.) Ашәҟәы актәи атом, актәи ахәҭа М.М. Ҭраԥшь азеиԥш ҟазшьа змоу истатиақәа рыла ишьақәгылоуп, урҭ зызку Аԥснытәи археологиатә баҟақәа рҵара ауп, иара убасгьы ара икьыԥхьуп ажәытәӡатәи Аԥсни антикатә аамҭеи ирыҵаркуа аҭоурыхтә очеркқәа. Аизга аҩбатәи атом ианылеит Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь имонографиа «Ажәытәӡатәи Аҟәа» Уи Михаил иҩит антикатә қалақьқәа Диоскуриеи Себастополиси, иахьатәи Аҟәа ахьыҟоу аҭыԥ аҿы, ирцәынхаз аҭыԥқәа рҟны имҩаԥгаз археологиатә ҭҵаарақәа рышьаҭа ала, иара убасгьы ара иануп антикатәи аамҭазы ашьха Гәадихәи аҳабла Алашарбага ҟаԥшьи (Красный маяк) ирызку аҭҵаарақәа. Иара убра икьыԥхьын Аԥсны антикатә аамҭазтәи абаҟақәа рзы адыррақәа. Ахԥатәи атом – Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь иԥсы анҭаз иазирхиаз хьӡыс иамоуп «Ҵабалтәи анекропольқәа ркультура», иара акыршықәсатәи аҭҵаарақәа рылҵшәақәа ирызкуп, хықәкыла М. М. Ҭраԥшь Ҵабал ииԥшааз III–VI ашәышықәса ҳера ҟалаанӡатәи аԥсыжырҭақәа. Автор ишазгәеиҭо ала, арҭ аԥсыжырҭақәа ижәытәӡатәиу аԥсуа имшьҭра – аԥсилаа иртәуп, уи, ҳәарада, аԥсуа жәлар ретногенез апроблема аӡбаразы даара аҵакы амоуп. Аԥшьбатәи атом аиҳарак изызку ашәышықәса абжьаратәи Аԥснытәи абаҟақәа роуп, убасгьы уа ианылеит Михаил Ҭраԥшь Анаҟәаԥиатәи Абааш, Баграт ибааш уҳәа реиԥш иҟаз абаҟақәа рҟны имҩаԥигоз археологиатә ԥшаарақәа рылҵшәақәа. Аԥшьбатәи атом еиднакылеит Ҵабалтәи анекропольқәа иназыцҵоу аҭҵаарақәа рылҵшәақәа, 1967 шықәсзы Михаил Ҭраԥшь имҩаԥигаз. Иҟоуп, убасгьы, хаз игоу астатиақәа, арецензиақәа, азгәаҭақәа, Аԥсны аҭоурыхи археологиеи рыҭҵаара иадҳәалоу. Зыӡбахә ҳәоу атомқәа рҭыжьразы реиқәыршәара, разырхиара аан аредакциатә коллегиа алахәылацәа, зегь раԥхьа иргыланы хықәкыс ирымаз Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь иимкьыԥхьыцыз иусумҭақәа зегьы арҭ ашәҟәқәа ирнылартә аҟаҵара акәын. Аха, урҭ инарываргыланы дара иркьыԥхьит Михаил Ҭраԥшь иҭижьхьаз амонографиақәеи астатиақәеи. Аха арҭ аматериалқәа аҩынтә акьыԥхьраан автор анаҩс иҟаиҵаз аҭҵаарақәа рыла ихарҭәаан. Даара ирҽеин аусумҭақәа ирыцыз аиллиустрациақәагьы, уи азын аиқәыршәаҩцәа Михаил Ҭраԥшь еизигахьаз археологиатә коллекциақәагьы еиҭарыхәаԥшыр акәхеит. Архив акьыԥхь азырхиара иадҳәалаз аусурақәа зегьы Михаил Ҭраԥшь иԥшәмаԥҳәыс Валентина Григори-иԥҳа Ҭраԥшь лнапы иҵылгеит, уи акыр ацхыраара лиҭеит Иу. Н. Воронов, насгьы аԥсуа институт аусзуҩцәа Г. К. Шамба, М. М. Гәымба. Анаҩс атом еиқәыршәаны редакторра азиуит А. Халиков. Аҭыжьымҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Труды: В 4-х т. / [Абхаз. ин-т яз., литературы и истории им. Д. И. Гулиа АН ГССР]. - Сухуми : [«Алашара»], 1969, Трапш, М. М. Труды: В 4-х т. / [АН ГССР. Абхаз. ин-т яз., литературы и истории им. Д. И. Гулиа]. - Тбилиси : Мецниереба, 1972, Трапш, М. М. Труды: В 4-х т. / [Абхаз. ин-т яз., литературы и истории им. Д. И. Гулиа АН ГССР]. - Сухуми : [«Алашара»], 1975, Трапш, М. М. Памятники колхидской и скифской культур в селе Куланурхва Абхазской АССР. - Сухуми: Абгиз, 1962. - 83 с. с илл.; 23 л. илл. Трапш, М. М. Куланурхвинский древний могильник: Автореф. дис. на соискание учен. степени канд. ист. наук. - Сухуми, 1951. - 16 с. Трапш, М. М. Материалы по археологии Абхазии / АН Груз. ССР. Абхаз. ин-т яз., литературы и истории им. Д. И. Гулиа. - Тбилиси : Мецниереба, 1967. Трапш, М. М. Ахархәара змоу алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] Г. К. Шамба, Михаил Ҭраԥшь, Иԥсҭазаареи иусуреи Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] http://apsnyteka.org/1021-trapsh_statji.html http://gazeta-ra.info/index.php?ELEMENT_ID=16247 https://www.ekhokavkaza.com/a/28868273.html https://arheologija.ru/m-m-trapsh/ https://www.abaza.org/mikhail-trapsh-klassik-arkheologii https://www.youtube.com/watch?v=bdx9Lo5C8rg http://apsnyteka.org/file/Materialy_nauchnoy_konferentzii_posviashennoy_100_letiu_M_Trapsh_2017.pdf https://www.abaza.org/abk/mikhail-trapsh-arkheologia-aklassik https://www.kavkaz-uzel.eu/articles/143975/ http://alashara.org/news/polevyie_dnevniki_arheologov Иархивитәиз 2018-09-03 ахь Wayback Machine Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Ҭраԥшь,_Михаил_Мамеҭ-иԥа&oldid=136011 Акатегориақәа: 1917 шықәсазы ииз Жьҭаарамза 10 рзы ииз 1968 шықәсазы иԥсыз Жәабранмза 24 рзы иԥсыз Асовет археологцәа Аԥсны археологцәа КПСС алахәылацәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аршьаҟауаа Ҭраԥшьаа Ицәыргам акатегориа: Webarchive ашаблон wayback азхьарԥшқәа Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 16:59, 20 жәабранмза 2024. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D2%AC%D1%80%D0%B0%D4%A5%D1%88%D1%8C,_%D0%9C%D0%B8%D1%85%D0%B0%D0%B8%D0%BB_%D0%9C%D0%B0%D0%BC%D0%B5%D2%AD-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
2024-02-28T12:05:26Z
<urn:uuid:11cdb14b-c151-4f54-af93-4bc2d1d3f2b1>
[ "footer", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.88
0.89
0.95
38
24,182
tlsh:T1C541BAB28A40CB4BC6B3C459CED18D355CE1691782627231CED5B87516464D9EFFCC03EAFAE81A8AA4AF2112D612AE115A0EFCE9107D7EDB31D340D12D2F39EE279836D68E
Афундаментализм – ари Амассатә информациа ахархәагақәа рҟны, еиуеиԥшым адинхаҵарақәа рымҩаԥысшьа азгәазҭо, ҳаамҭазтәи ареалиқәа рыла иарбанызаалак алагалаҿыцқәа ирҿагыло, насгьы ашьҭрақәлаҩцәа аханатәтәи адинхаҵара разыргьежьра зҽазызкуа еилкаароуп. Ажәа афундаментализм иаанагои уи ахкқәеи[аредакциазура | акод аредакциазура] Алаҭын бызшәа аҟынтә иаагоу ажәа афундаментализм (Fundamentum) иаанагоит адинхаҵаратә, афилософиатә, аморалтә, асоциалтә ҵысрақәа рыхьӡ еидызкыло. Афундаментализм иаҿадыргылоит асекулиаризациеи аглобализациеи рыпроцессқәа. Аханатә афундаментализм анцәырҵ ҵакыс иаман иԥшьоу аҩырақәа ирну ишаныҵәҟьоу раԥхьареи, реиҭагареи. Аха анаҩс афундаментализм аҳәаақәа рыҽдырҭбааит, еиуеиԥшым адинхаҵаратә ҵысрақәеи аконцепциақәеи аҵанакра иалагеит. Раԥхьаӡа акәны афундаментализм аконцепциеи уи ажәеи рхы иадырхәо иалагеит апротестанатә еиҿкаарақәа ианрылацәажәоз Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы. Анаука знапы алакым ауааԥсыра зны-зынла афундаментализми афанатизми акакәны ирыԥхьаӡоит. И. В. Кудриашова афундаментализмтә ҵысра ҩ-хкык рыла илшоит: раԥхьатәи агәыԥ ахь иаҵанакуеит авраамтә (авраамические) динхаҵарақәа шьаҭас измоу аҵысрақәа, аҩбатәи — индуизми буддизми рҿы ицәырҵыз. Иааизакны афундаментализм иаанаго уалацәажәозар, иара шьақәгылоуп иуԥсахыр иҟамло апостулатқәеи, атрадициақәа зыԥсахуа аҿыц лагалақәа рҿагылареи рыпринципқәа рыла. Иара убас, ари аҵысра иадырҳәалоит атрадиционализми аконсерватизми. Лассы-лассы ажәа аҵакы ибзианы иззымдыруа афундаментализм адырҳәалоит адинхаҵара, еиҳараӡак амсылманра. Иҟоуп афундаментализм еиуеиԥшым ахкқәа: аҳәынҭқарратә, амилаҭтә, аџьармыкьатә, афеминисттә, аекологиатә уҳәа егьырҭ. Урҭ еиуеиԥшым афундаментализм ахкқәа еицырзеиԥшу шмаҷугьы, еидызкыло ыҟоуп. Уи иадгылоу еснагь иаадырԥшуеит ақәԥаратә идеологиа, урҭ рхатә иашара мацароуп зыгәра рго. Иара афундаментализм атермин ахаҭа еиҳа анегативтә форма амоуп, уи рхы иадырхәоит адогматизм иаҿдырԥшуа апроцессқәа ианрылацәажәо. Уахь иаҵанакуеит амч ахархәара аметодқәа, авторитарра ианалацәажәо. Убри аангьы афундаментализм иаанагозар ҟалоит апринципқәа рықәныҟәара, ахы амеигӡара. Иҟоуп аспециалистцәа, «мраҭашәаратәи адемократиа» аполитикатә фундаментализмны изыԥхьаӡо. С. Хатингтон 90-тәи ашықәсқәа раан иқәиргылаз «ацивилизациа реиҿагылара» ҳәа хьӡыс измаз атеориала, 21-тәи ашәышықәса акультурақәа аԥыжәаразы реиҿагылара иаамҭаны иҟалоит ҳәа азгәеиҭон автор. Даҽакала иуҳәозар, уи аҵысра еиуеиԥшым ацивилизациақәа рҿы аԥыжәара агаразы ахықәкы ахьамоу, адунеи афундаментализм иалаӡоит ҳәа агәаанагара иман Хатингтон. Ацивилизациақәа акоммуникациа ахьрымам иахҟьаны рымҩақәа еиҳа-еиҳа еицәыхарахоит. Аконфликттә ҭагылазаашьа аԥсҭазаара иашьашәаланы иҟалеит. Ацивилизациатә процессқәа ирыдҳәалоу атәылақәа уи Хатингтон дызлацәажәоз амодель ишаҳәо еиԥш лассы-лассы рхы мҩаԥыргоит. Хаттингтон игәаанагарала, ацивилизациатә еиԥшымра еиҳа-еиҳа иӷәӷәахо иалагоит, анаҩсгьы еиҳа амч змоу ацивилизациақәа рыбжьара аконфикт аҽарҭбаауеит. Аԥхьаҟагьы урҭ еиҿамгылар залшом, еиҳарак аконфликт ҟалоит мраҭашәаратәи ацивилизациеи егьырҭ акультурақәеи рыбжьара. Хаттингтон иажәақәа ацәажәарақәа рацәаны иахылҿиааит, аха уажәтәи аамҭазы иубаратәы иҟоуп усҟан аполитолог дызлацәажәоз аиҳарак ииҳәоз шыҟалаз. Аҵарауаҩ Т. Маиер ишиҳәо ала, «аидеологиақәа реибашьра ацивилизациақәа реибашьра амҩа иацнаҵоит». Уи ихьшәашәоу еибашьроуп макьана. Аха адунеи еидызкыло аидеиа анацәыӡ, ацивилизациақәа иаарту аиҿагылара ашҟа иианагар алшоит. Уи еиҳа еицәоу аибашьра ахылҿиаар ҟалоит ҳәа агәаанагарагьы имоуп аҵарауаҩ. Хыхь зыӡбахә ҳамаз америкатәи аполитолог С. Хатингтон иԥхьаӡоит аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу аибашьрақәа атәылақәа рыбжьара акәӡам иахьыҟало ҳәа, уи акультурақәеи ацивилизациақәеи рыбжьара ауп иахьымҩаԥысло. Убри аан амсылманратә екстремизм адунеи аҿы зегь реиҳа узыцәшәаша шәарҭараны иҟалоит ҳәа азгәеиҭон иара. Уи аидеиа, иара, астудентцәа алекциа данырзаԥхьоз ирыдигалеит 1992 шықәсазы Америкатәи анапалакратә институт аҿы. Анаҩс уи иусумҭа иациҵоит «1993-тәи ашықәс азы атәым усқәа» («Иностранные дела 1993 года») ҳәа хыс измаз иҩымҭаҿы. Анаҩс уи идиссертациагьы иациҵоит иҩымҭақәеи ишәҟәқәеи рҿы. Афундаментализм адинхаҵараҿы: Ақьырсианратә фундаментализм[аредакциазура | акод аредакциазура] Ақьырсианратә фундаментализм ршоит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла апротестантәи, акатоликатәи, аиашахаҵаратәи ҵысрақәа ҳәа. Ноам Хомски иҳәон: «Еиду Америкатәи Аштатқәа руаажәларра Саудовтәи Аравиеи ауаажәларра Талибани раасҭа еиҳа афундаментализм рыларҵәаны иҟоуп» ҳәа. Афундаментализм адинхаҵараҿы[аредакциазура | акод аредакциазура] Ақьырсианратә фундаментализм Ақьырсианратә фундаментализм ацәырҵра апротестантизм иадҳәалоуп. 1895 шықәсазы Ниагара-Фоллс ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Иԥшьоу аҩыра иазкыз аконференциаҿы гәыԥҩык апротестанттә пасторцәа иаԥшьаргеит аконцепциа ҿыц апринципқәа рыдкылара. Апринципқәа иреиуан: Иԥшьоу аҩыра ишаныҵәҟьоу адкылара, Иаса Қьырса доуҳала иира, Иаса Қьырса агәнаҳара ҟазҵаз рзы иԥсра, Иаса Қьырса игылара, Иаса Қьырса адгьыл ахь ихынҳәра. 1910 шықәсазы Апресвитериантә ассамблеиа хадеи егьырҭ еиуеиԥшым аконсервативтә динхаҵаратә еиҿкаарақәеи арҭ апринципқәа ирықәшаҳаҭхоит. 1919 шықәса раахыс аус ауеит Адунеизегьтәи афундаменталистцәа рассоциациа, 1948 шықәсазы уи ахьӡ ԥсаххоит Жәларбжьаратәи ақьырсианратә уахәамақәа рхеилак ҳәа. 1920-тәи ашықәсқәа рзы афундаменталистцәа анаукатә аарԥшымҭақәа ирҿагылоит, еиҳарак Дарвин аеволиуциазы итеориа. Урҭ рықәгыларақәа ирыбзоураны 1921—1929 шықәсқәа раан Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы ирыдыркылеит Дарвин итеориа аҳәынҭқарратә школқәа рҿы дырҵара азин амызхуа азакәанқәа. Уи апроцесс «Батлер иакт» ҳәа ахьӡ аиуит. 1925 шықәсазы ирыдыркылаз азакәын ала, ашколқәеи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи рырҵаҩцәа азин рымаӡамызт ауаҩы иеволиуциа иадҳәалаз Дарвин итеориа ахәыҷқәа дырҵареи Иԥшьоу аҩыра иану мап ацәкреи. 1940-тәи ашықәсқәа раан афундаменталистцәа уи ақәԥараҿы иаҵахеит. Анаҩс иара афундаментализм аҩныҵҟагьы еиуеиԥшым аҵысрақәа цәырҵуеит. Аиашахаҵаратә фундаментализм[аредакциазура | акод аредакциазура] Иҟоуп авторцәа, Урыстәыла аиашахаҵаратә фундаментализм ыҟоуп ҳәа зыԥхьаӡо. Уи 19-тәи ашәышықәса алагамҭазы ицәырҵит ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Уи аҵысра аганахь ала ауаажәларратә интерес иацлоит 1980—1990-тәи ашықәсқәа раан иҟаз аполитикатә ҭагылазаашьа иахҟьаны. Урыстәыла ишьақәгылаз адинхаҵаратә фундаментализм иашьаҭаны иԥхьаӡоуп аекуменизм аҿагылара. Уи иаанагоз еиуеиԥшым ақьырсианратә ҵысрақәа реидгылара аҿагылара, алибералтә идеиақәа рықәымныҟәара, иара убас иаарту акритика аарԥшра. Ҳаамҭазтәи урыстәылатәи аиашахаҵаратә фундаментализм х-компонентк алукаар алшоит: 1. алибералтә социал-политикатә модель акритика азура, еиҳараӡак аџьармыкьатә економика акритика; 2. апатриотикатә риторика, Урыстәылеи Мраҭашәареи реиҿаргылара. Уи убар алшоит Асовет Еидгыла ахьыҟаз аҳәаақәа рҿы имҩаԥысуа аполитикатә процессқәа рҿгьы; 3. аекуменизм аҿагылара, ақьырсианра аханатә ишыҟаз ашҟа ахынҳәра. Урыстәыла иҟоу аиашахаҵаратә фундаментализм адгылаҩцәа рҳәынҭқарра аҿиаразы ахатә амҩа амоуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Ари аҵысра амчқәа хоуп аҳәынҭқарра аполитикатәи асоциалтәи ԥсҭазаараҿы ароль ӷәӷәа ааннакыларазы. Акатоликатә фундаментализм[аредакциазура | акод аредакциазура] Акатоликатә фундаментализм ақьырсианраҿы еиҳа иӷәӷәоу ҵысраны иҟоуп. Уахь иаҵанакуеит 1970 шықәсазы Марсель Лефевр еиҿикааз «Иԥшьоу Пи ииашьара» ҳәа хьӡыс измаз аиҿкаара. Амсылманратә фундаментализм[аредакциазура | акод аредакциазура] Амсылманратә фундаментализм адгылаҩцәа Аҟәырҟан аҩыра апринципқәа ишаныҵәҟьоу рықәныҟәара акәын хықәкыс ирымаз, иара убас амсылманцәа иртәу адгьылқәа аколонизаторцәа рҟынтәи ахы ақәиҭтәра. Џьон Еспозито иусумҭақәа рҿы иҩуан: «Амилаҭтә ҳәынҭқаррақәа еиҳа-еиҳа рымчқәа маҷхоит, амсылманратә ҳәынҭқаррақәа рҭагылазаашьа цәгьоуп, уи зыхҟьо амсылманцәа анцәа дахьырцәыӡыз аҟнытә ауп. Арҭ аҳәынҭқаррақәа руааԥсыра Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии ридеологиақәа еиҳа-еиҳа ирыдгыло иалагоит». Аха иҟоуп амсылманра здызкылаз атәылақәа рҿы афундаментализм ихадоу идеологианы иахьыҟоу, уахь иаҵанакуеит Исламтәи Ареспублика Иран. Ҳәынҭқаррақәак рҿы афундаментализм аҵысра аппозициак аҳасаб ала иҟоуп, иара убас атерроризм аметодқәа зхы иазырхәогьы уԥылоит. Амсылманратә фундаментализм шьаҭасны иамоуп аполитикатә мсылманра (исламизм). Аглобализациатә процессқәа ирыдҳәалоу асоциалтә еиҟарамра амсылманратә фундаментализм аидеологиа ахылҿиаауеит ҳәа рыԥхьаӡоит уи апроцессқәа ҭызҵаауа реиҳарак. Иара амсылманратә фундаментализм ахаҭаҿгьы иҟоуп еиуеиԥшым аҵысрақәа, еиҳа иӷәӷәоу ируакуп адунеи иалаҵәахьо ваххабизм ҳәа изышьҭоу аҵысра. Иара шьаҭас иамоуп амсылманраҿы иҿыцу ацәырҵрақәа зегьы мап рыцәкра. Дара егьырҭ адинхаҵарақәа рганахь ала ачҳара аадырԥшӡом, агрессиатә ҟазшьа ахьрымоу аҟнытә. Еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҿы урҭ аиҿкаарақәа изакәаным ҳәа иԥхьаӡоуп. Уажәтәи аамҭазы агеополитикатә еицлабраҿы зегь реиҳа иҿырԥшыгоу афундаменталисттә ҵысраны иԥхьаӡоуп амсылманратә фундаментализм. Уи атоталитартә политикатә идеологианы иҟоуп. Еиҳа ишәарҭахоит ари аҵысра, уи адгылаҩцәа иаартны аибашьратә методқәа рхы иархәаны мраҭашәаратәи аидеологиа ианаҿагылоу. Ҿырԥшыгас иааугар ҟалоит «Боко харам» ҳәа хьӡыс измоу нигериатәи атеррористтә еиҿкаара. Уи ахьӡ еиҭаугозар иаанагоит «Мраҭашәаратәи аҭҵаарадырра мап ацәкра» ҳәа. Аиҿкаара хықәкыс иаман амсылманратә кодекс шариат анормақәа ршьақәыргылара. «Боко харам» адгылаҩцәа Нигериа аҩадатәи ахәҭа рнапаҿы иааганы ирымоуп, лассы-лассы атеррористтә гәыԥқәа рцәырҵрақәа ирыхҟьаны уи аҭыԥ шәарҭаны иԥхьаӡоуп. Ус 2014 шықәсазы аиҿкаара аибашьцәа ашкол иҭаз аӡӷабцәа ӷьычны мчыла хаҵа ирышьҭит. Ус дара ауааԥсыра рыпринципқәа мчыла ирыладырҵәоит. Аха амсылманратә фундаментализм даҽа ганкахьала уахәаԥшыргьы алшоит. Аҳәынҭқарра аргылараҿы ароль ӷәӷәа амазаргьы алшоит амсылманратә фундаментализм, еиҳараӡак аекспорт зхы иазырхәо аҳәынҭқаррақәа рҿы. Ус афундаменталисттә принципқәа анефт зҭиуа аҳәынҭқаррақәа рҿы идеологиа хадас ирымоуп. Араҟа амсылманратә фундаментализм асоциалтә еиҟарамра аҿагыларазы алҵшәа амоуп. Афундаменталисттә идеиақәа амсылманра ахаҭагьы аԥсахрақәа аланагалеит, ауаажәларра рхәыцраҿгьы аҭыԥ ҷыда ааннакылеит. Еиуеиԥшым амсылманратә ҵысрақәа ирыдгылоу ауаа зегьы еицырзеиԥшны иҟоуп аҿыцрақәа ралагала мап ацәкразы агәаанагара. Афундаментализм аларҵәара амзызқәеи аҭоурыхи[аредакциазура | акод аредакциазура] Асоциал-економикатә мзызқәа рыдагьы, афундаментализм ацәырҵра асоциал-ԥсихологиатә мзызқәагьы ыҟоуп. Германиатәи аԥсихолог Д. Функе иажәақәа рыла, «афундаментализм аисберг ахықәцә ауп, уи ашәарҭадара агәхьаагара ауп изыдҳәалоу». Афундаментализм аларҵәара амзызқәа: 1) адинхаҵарақәа рыҩныҵҟа амодернистәи аконсервативтәи процессқәа реиҿагылара; 2) ауаажәларраҿы адинхаҵара ароль амаҷхареи акультуратә процессқәеи рымҩаԥысреи; 3) аглобализациа аҿагыларазы ицәырҵуа аҵысрақәа; Афундаментализм аларҵәараҿы адинхаҵаратә процессқәа рыдагьы, иҟан даҽа мзызкгьы. Адунеи аҿы имҩаԥысуаз асоциал-економикатәи, аполитикатәи аиҿасрақәа раан аглобализациеи асекулиаризациеи рыпроцессқәа еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон. Иҟан адинхаҵареи аҳәынҭқарреи реидыхра згәамԥхоз, ауаа рхатә зинқәа рыхьчара мап ацәызкуаз ауааԥсыра. Иҿыцу аҭагылазаашьақәа рҿы, модернизм ацәырҵраан, аҳәынҭқаррақәа рнапхгаҩцәа урҭ апроцессқәа ирҿадыргылоз ак рымазар акәын. Афундаментализм аҿагыларатә идеологианы иалырхуеит. Раԥхьаӡа акәны афундаментализм цәырҵит Еиду Америкатәи Аштатқәа, уаҟа 1910–1912 шықәсқәа рзы хәыдаԥсада ауааԥсыра ирыладырҵәон афундаментализм аидеиа атәы зныз абӷьыцқәа. Уи ауааԥсыра рнапаҿы ирырҭон. Аидеиақәа рыларҵәан раԥхьаӡа акәны еиҳарак аладатәи аштатқәа рҿы, анаҩс, 1950-тәи ашықәсқәа раан, афундаменталистцәа активла ридеиақәа аҵарадырратә процесси амассатә информациатә хархәагақәеи рхы иархәаны рӡыргара иалагеит. Изеиԥшразаалак акультура ахаҭа амч ахархәара апринцип алаӡам, аха аиԥшра бааԥсыла ашьҭалара, акультура еизакны, ма уи ахәҭақәа рҿы ицәырнагар алшоит ачҳара ацәыӡреи амч ахархәареи аидеологиа. Уи ҭызҵаауаз аҵарауаҩ Томас Меиер ихәыцит атермин «аиԥшра бааԥсыла ашьҭалара». Уи атермин акультуреи адинхаҵареи аполитикахь рыиагара амеханизм аилкааразы рхы иадырхәоит. Урҭ апроцессқәа афундаментализмгьы лассы-лассы иахылҿиаауеит. Ҳаамҭазтәи афундаментализм еиҳа аҵак ду змоу асоциал-политикатә феноменны иҟоуп. Америкатәи афундаментализм аҭоурых ҭызҵаауа аҵарауаҩ Г. Марсден афундаментализм Америка амҩаԥысшьа амҽхак ус ахәшьара аиҭеит: «Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы иахьышәҭаху аҭыԥ аҟнытә ишәыршәыр акәтаӷь, хымԥада афундментализм иадгыло аӡәы иқәшәоит» ҳәа. Уи иаанагоз аконсервативтә, афундаменталисттә идеологиа иадгылоз уа даара ишырацәаз акәын. Иудеатәи афундаментализм. Ари аҵысра аларҵәара амоуп Израиль. Уаҟагьы, егьырҭ адинхаҵаратә фундаменталисттә ҵысрақәа рҿеиԥш, иудаизм азакәанқәа рықәныҟәаразы ақәԥара иадҳәалоуп уи аҵысра. Уи адгылаҩцәа гәыԥқәаки амилициатә усзуҩцәеи рыбжьара изныкымкәа аидысларақәа ҟалахьеит. Иҟоуп, иара убас, арадикалтә ҟазшьа змоу аиҿкаара "Нетуреи карта», уи Мессиа адгьыл ахь дылбаанӡа иахьшьақәгылаз аҟнытә, Израиль зынӡа ҳәынҭқарроуп ҳәа изымԥхьаӡо. Афундаментализм аполитикаҿы[аредакциазура | акод аредакциазура] Аҵарауаа иалыркаауеит даҽа адинхаҵарахь иаҵанамкуа афундаменталисттә ҵысрақәак аҳәынҭқарра-политикатә, аекономикатә, аекологиатә, афеминисттә, амилаҭтә уҳәа егьырҭ. Арҭ аҵысрақәа зегьы еидызкыло шьаҭасны иҟоуп аҭышәантәалареи иашаки рзы ақәԥара. Афундаментализм ҳәа азырҳәоит изеиԥшразаалак абсолиутла иашарак иазнеиуа аидеологиа. Афундаментализм акритика: Афундаментализм акритика азызуа ирҳәоит, уажәтәи ауаа ижәытәӡоу аҩырақәа ииашаны еилыркааразы урҭ злаҩыз абызшәа бзиаӡаны ирдыруазар ауп ҳәа. Уи ада аинтерпретациақәа ҟамлар залшом, иахьанӡа иаҳзааиз адинхаҵаратә традициақәа аиҭагараан аԥсахрақәа рыламкәа изыҟалом ҳәа. Убри аан дара аҩырақәа рҿгьы изныкымкәа аиҿагыларақәа уԥылоит, аха ақьырсианратә фундаменталистцәа уи атәы иалацәажәаӡом ҳәа азгәарҭоит ԥыҭҩык. Афундаментализм аҿы ицәырҵыз арадикалтә ҟазшьа змоу аҵысрақәагьы ауаажәларратә шәарҭадаразы ибааԥсу ак акәны иԥхьаӡоуп. Убри аҟнытә афундаментализм ацәырҵра иааизакны адунеи иқәынхо ауааԥсыра рзы ирԥырхагоу акакәны иҟоуп ҳәа азгәарҭоит уи аидеологиа аҿагылаҩцәа. Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] [1] [2] [3] Иархивитәиз 2021-09-26 ахь Wayback Machine [4] [5] Иархивитәиз 2021-01-27 ахь Wayback Machine [6] [7] [8] Иархивитәиз 2021-01-27 ахь Wayback Machine [9] [10] [11] Иархивитәиз 2021-09-26 ахь Wayback Machine [12] [13] Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Афундаментализм&oldid=133780 Акатегориа: Адин Ицәыргам акатегориа: Webarchive ашаблон wayback азхьарԥшқәа Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 00:04, 12 абҵарамза 2023. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%84%D1%83%D0%BD%D0%B4%D0%B0%D0%BC%D0%B5%D0%BD%D1%82%D0%B0%D0%BB%D0%B8%D0%B7%D0%BC
2024-02-27T20:46:26Z
<urn:uuid:3a3295d5-28bb-48b8-9783-6ef6cc6a305f>
[ "footer", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.95
0.7
0.98
27
27,165
tlsh:T1BE9C92C24740CB4BC6B7C0989A918D321DD168038223B270CEC5F47515164ADEBFCC13EAFEFE0A4AB49F1911D156AB14AA0AFCEA657D7EDB718300916E2E34DD23A476D69E
https://sputnik-abkhazia.info/20240103/iydou-arytskha-2024-shysazy-asny-iazgararany-iou-aiubileia-1049668980.html Иҷыдоу арыцхәқәа: 2024 шықәсазы Аԥсны иазгәарҭараны иҟоу аиубилеиқәа Иҷыдоу арыцхәқәа: 2024 шықәсазы Аԥсны иазгәарҭараны иҟоу аиубилеиқәа Sputnik Аҧсны 2024 шықәсазы Аԥсны иазгәаҭахоит имаҷымкәа аиубилеитә рыцхәқәа – еицырдыруа ауаа риирамшқәа, аҳәынҭқарратәии акультуратәии аусбарҭақәа рышьаҭаркра арыцхәқәа. 03.01.2024, Sputnik Аҧсны 2024-01-03T09:20+0300 2024-01-03T09:20+0300 2024-01-03T09:20+0300 аԥсны аԥсны ажәабжьқәа акультура ауаажәларра https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102670/65/1026706571_0:236:853:716_1920x0_80_0_0_191ae619510099c3c02e5b0d2fde4b97.jpg Sputnik Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла – 80 шықәса Ажьырныҳәа 5, 1939 шықәсазы Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа арҵаҩцәа раԥшьгарала еиҿкаан Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла. Иара аусура арманшәаларазы аҟәшақәа рыла еихшан. Шықәсык ашьҭахь, Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла еиҿнакааит аҭыԥантәи аҟазауаа русумҭақәа рцәыргақәҵа.Иахьа, Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иамоу атрадициақәа ирыцҵо амилаҭтә ҟазара еихаҳауа иааргоит. Араҟа иҟоуп аҿыханҵаҩцәа, аскульпторцәа, аграфикцәа, ателехәаԥшреи, акинои, атеатри рсахьаҭыхыҩцәа, адекораторцәа уҳәа.Сергеи Сақаниа – 90 шықәса Ажьырныҳәа 15, 1934 шықәсазы диит Аԥсны жәлар рартист, Аԥсуа драматә театр актиор Сергеи Сақаниа. Иара асценаҿ инаигӡеит абарҭ арольқәа: Абдураҳман ("Ақьачақь" Н. Хикмет, 1965), Абгахәыҷы ("Ажәеиԥшьаа рыԥҳа" Р. Џьопуа, 1967), Арԥыс қәыԥш ("Ашьхаҭыԥҳа" Р. Гамзатов, 1968), Еснаҭ ("Ахрашәа" Б. Шьынқәба, 1971), Баҭал ("Асас" А. Мықәба, 1971), Аинквизитор ("Дон Карлос" Ф. Шиллер, 1971) уҳәа егьырҭгьы. 2014 шықәсазы Сергеи Сақаниа Аԥсны жәлар рартист ҳәа ахьӡ ихҵан. Актиор иԥсҭазаара далҵит 2022 шықәсазы. Арҵаҩратә институт аиҭакра – 45 шықәса Жәабран 5, 1979 шықәсазы А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ҳәа еиҭакын. Ауниверситет аԥхьатәи аректорс дыҟан академик Зураб Анчабаӡе. Иахьа ААУ – зыҩаӡара ҳараку аҭҵаарадырра-рҵаратә комплексуп, Евразиатәи ауниверситетқәа р-Ассоциациа иалахәылоуп, Оксфордтәи Академиатә Еидгылеи егьырҭ жәларбжьаратәи аидгылақәеи ирылахәуп. Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла – 65 шықәса Жәабран 11, 1959 шықәсазы имҩаԥысит Аԥсны ажурналистцәа актәи робласттә конференциа. Аконференциа аусура иалахәын аобласттәи араионтә газеҭқәа, арадио, аҭыжьырҭақәа русзуҩцәа, ареспубликатә газеҭқәа ркорреспондентцәа. Иқәгылоз аконференциа алахәылацәа Аидгыла аусура аиҿкаашьазы ажәалагалақәа ҟарҵон, Ажурналистцәа Реидгыла апроект аиҭакрақәеи ацҵарақәеи аларгалон. Излацәажәоз азҵаарақәа рзы арезолиуциа анрыдыркыла ашьҭахь, аконференциа алахәылацәа иалырхит быжьҩык злахәыз анапхгаратә еилазаара. Аԥсуа драматә театр – 95 шықәса Жәабран 17, 1929 шықәсазы раԥхьаӡа акәны ашәқәа аатит Аԥснытәи апрофессионалтә драматә театр. Раԥхьатәи аԥсуа театралтә студиа еиҿикааит еицырдыруаз амилаҭтә культура аусзуҩ, арҵаҩы, арккаҩы, аԥсуа музыкатә фольклор здыруаз К. Ӡиӡариа.Атеатр анапхгаҩыс, рҵаҩыс дҟаҵан арежиссиор, арҵаҩы Виктор Домогаров. Кондрат Ӡиӡариеи иареи аԥсуа қыҭақәа ирылаланы аҟыбаҩ злаз аҿар еидыркылаз роуп, раԥхьатәи апрофессионалтә актиорцәа, анаҩс Аԥсни Қырҭтәылеи жәлар рартистцәахаз, аԥсуа сцена иазҟазацәахаз - Азиз Агрба, Лео Касланӡиа, Шәарах Ԥачалиа, Михаил Ақаҩба уҳәа егьырҭгьы. Дырмит Гәлиа – 150 шықәса Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диит жәабран 21, 1874 шықәсазы. Дырмит Гәлиа – аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, арккаҩы, апоет, апрозаик, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, афольклорист, алингвист, СССР Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәыла, Аԥсны Жәлар рпоет, Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа. Дырмит Гәлиа иоуп ХХ ашәышықәса алагамҭазы аԥсуа ҩыреи алитературеи рышьаҭа зкыз. 1892 шықәсазы Константин Маҷавариани дицырхырааны еиқәиршәеит, егьҭижьит "Аԥсуа нбан", иҩит раԥхьатәи аԥсуа бызшәа арҵагақәа, икьыԥхьит раԥхьатәи аԥсуа жәеинраалақәа. Д. Гәлиа илитературатә рҿиара ахацыркра апоезиа иадҳәалоуп. Иажәеинраалақәа рҟны ихы иаирхәон жәлар рҿаԥыц поезиа атрадициақәа, асиужетқәеи амотивқәеи рыла мацара акәымкәа, жәлартә жәеинраала аформеи аритмикеи рыла. Гәлиа аԥсуа литературатә жәар акыр ирҭбааит, иалеигалеит ажәа ҿыцқәа, аилкаарақәа. Агазеҭ "Аԥсны" – 105 шықәса Жәабран 27, 1919 шықәсазы Д.И.Гәлиа инапхгарала иҭыҵит агазеҭ "Аԥсны" раԥхьатәи аномер. Убри аахыс амилаҭтә кьыԥхь иамшны иазгәарҭоит жәабран 27. Д.И.Гәлиа агазеҭ раԥхьатәи аномер ианиҵаз аԥхьажәаҿы иазгәеиҭон "Иахьа Аԥсны ҽаԥарак иԥеит" ҳәа. Шьахәла еиликаауан ҳажәлар рхатәы бызшәала агазеҭ ахьроуз акырӡа шаҵанакуаз. Амилаҭтә газеҭ аҭыҵра хҭыс дуны иҟалеит аԥсуа жәлар рдоуҳатә культура арҿиараҿы. Уи иаднаԥхьалон алитературеи, апублицистикеи, аҭҵаарадырреи рахь раԥхьатәи зшьаҿақәа еихызгоз аҿар. Шоҭа Арсҭаа – 95 шықәса Хәажәкыра 10, 1929 шықәсазы диит Аԥсуа бызшәаҭҵааҩы, аԥсуа грамматиказы аҟазауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт абызшәа аҟәша аусзуҩ Шоҭа Арсҭаа. Шоҭа Арсҭаа – иналукааша кавказҭҵааҩуп. Аԥсуа бызшәа аҭҵаараҿы, Аԥсны аҭҵаарадырра арҿиараҿы, аҟазауаа реиҵааӡараҿы илагала шьардоуп. Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа раԥхьатәи ахада, Аԥсны иреиҳаӡоу ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Ш. Арсҭаа ианашьоуп аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара. Сергеи Багаԥшь – 75 шықәса Хәажәкыра 4, 1949 шықәсазы диит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь. Аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара ижәлар рыԥсҭазаара иузаҟәымыҭхоны иҟан. Уи азоуп аԥсуа жәлар ажьырныҳәа 12, 2005 шықәсазы рлахьынҵа инапы изанырҵаз, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас дзалырхыз. Иара данысит аԥсҭазааратә мҩа ду – Мықәтәи аефирхәшатә совхоз агроҟәша аиҳабы инаиркны апартиа Очамчыратәи араиком актәи амаӡаныҟәгаҩ иҟынӡа. Анаҩс –Аԥсны Жәлар Реизара адепутат инаиркны Аԥсны анапхгара аиҳабы иҟынӡа. Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы, 62 шықәса дшырҭагылаз. Фазиль Искандер – 95 шықәса Хәажәкырамза 6, 1929 шықәсазы диит Фазиль Искандер – апоет, апрозаик, апублицист, Жәларбжьаратәи ассоциациа "Мир культуры" ахада. Ианашьан СССР Аҳәынҭқарратә премиа, Гамбургтәии Пушкинтәии апремиақәа, Жәларбжьаратәи алитературатә премиа Малапарти, Андреи Сахаров ипремиа, Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиа, Жәларбжьаратәи апремиа Москва-Пенне уҳәа егьырҭгьы. Искандер ирҿиамҭақәа ирыԥхьоит европатәи абызшәақәа зегь рыла. Иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәы 31, 2016 шықәсазы. Фазиль Искандер алитератураҿы илагалазы, насгьы акыршықәсатәи ирҿиаратә усуразы ианашьан Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара, Урыстәылатәи Афедерациа аорден "Аџьынџьтәыла аҿаԥхьа ақәҿиарақәа рзы" 2-тәи, 3-тәи, 4-тәи аҩаӡарақәа. Таиф Аџьба – 85 шықәса Хәажәкыра 11, 1930 шықәсазы диит аԥсуа поет, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны аҳәынҭқарратә премиа алауреат Таиф Аџьба. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет (анемец бызшәа аҟәша) далгеит. Авторс дрыман жәаба инареиҳаны ажәеинраалақәеи апоемақәеи реизгақәа. Иажәеинраалақәа рыхәҭак еиҭагоуп аурыси ақырҭуеи бызшәақәа рахь. Т. Аџьба аԥсшәахь еиҭеигеит А.С. Пушкин, М.И. Лермонтов, Ф.И. Тиутчев, А.А. Блок, Л. Озеров, А. Чивилихин, Б.А. Ахмадулина, Р.Ф. Казакова, Қь. Л. Мхце, Ҳ. Ԥанеш, И. Лакербаи, И.Е. Нонешвили, М. Ԥоцхишвили, М. Мирнели ражәеинраалақәа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәа, 1992 ш. жьҭаара жәба рзы ақырҭуа қәылаҩцәа дрытҟәеит, убри нахыс ихабар аӡәгьы имбеит. Иуа Коӷониа – 120 шықәса Хәажәкыра 13, 1904 шықәсазы диит апоет Иуа Коӷониа. Д. И. Гәлиа иаԥшьгарала еиҿкааз Кәтол ақыҭантәи ашкол даналга, 1919 ш. инаркны аҵара иҵон Аҟәатәи арҵаҩратә семинариаҿы (ашьҭахь – арҵаҩратә техникум). Араҟа аԥсуа бызшәа дирҵон Д. И. Гәлиа. Асеминариаҿы алитературатә кружок аусуреи анапылаҩыратә журнал "Ашарԥы-еҵәа" аҭыжьреи дрылахәын. 1924-1925 шш. рзы Аҟәа еиҿикааит алитературатәи адраматәи кружокқәа. Инапхгарала иҭрыжьуан анапылаҩыратә журнал "Аҿар рыбжьы". 1925-1928 шш. раан И. Коӷониа аҵара иҵон Москватәи аҳәынҭқарратә ажурналистикатә институт аҟны. Иҵара алгара рацәак игымкәа игәабзиара аауашәшәырахан, ӷәӷәала дычмазаҩны Аҟәаҟа дааргеит. Иԥсҭазаарагьы далҵит. Иуа Когониа хықәкы хадас иман ақалақьи ақыҭеи рҟны акультура-рккаратә усура амҩаԥгара, ахатәы бызшәа аиқәырхареи уи арҿиареи, ауааԥсыра рыҩнуҵҟатәи аҵарадара аԥыхра, алитераторцәа ҿарацәа ралԥшаара. Анаҩс еизигаз афольклортә материалқәа ирҿиамҭақәа шьаҭас ироуит. Асахьаҭыхратә галереиа – 60 шықәса Хәажәкыра 17, 1964 шықәсазы Аҟәа иаԥҵан асахьаҭыхратә галереиа. 1963 шықәсазы Аԥсны Аминистрцәа Рхеилак иаӡбит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟәша ашьаҭала иаԥҵазарц Асахьаҭыхратә галереиа.Аԥснытәи Асахьаҭыхратә галереиа аԥҵара иалахәын еицырдыруаз асахьаҭыхыҩцәа: В. Бубнова, О. Брендель, М. Ешба, Хә. Аҩӡба уҳәа аӡәырҩы. Ианаадыртуаз аҽны агалереиа азалқәа хԥа рыҟны ицәырган 12 скульптуреи 100 инарзынаԥшуа асахьақәеи. Уи аахыс агалереиа афондқәа еиҳа-еиҳа еизҳауеит.Виолетта Маанԥҳа – 85 шықәса Хәажәкыра 26, 1939 шықәсазы диит Аԥсны Жәлар рартистка Виолетта Маанԥҳа. Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатртә институт даналга Аԥсуа драматә театр атруппа далалеит.Виолетта Маанԥҳа - қәҿиарала аԥсуа сценаҿ иналагӡеит абас еиԥш иҟоу арольқәа: Ҳанифа ("Анаурқәа", Д.Гәлиа, 1961), Апринцесса ("Аҳәынҭқар кьантаз", Е. Шварц, 1962), Дездемона ("Оттело" У. Шекспир, 1964), Лика ("Сара с Марат рыцҳа" А. Арбузов, 1965), Нуца ("Уаҟа – ишышәҭаху" Б. Шьынқәба, 1977), Адица ("Аӡыхь абжьы" Шь. Аџьынџьал, 1977), Роза ("Брисбенантәи ахҵәаҩы" уҳәа егьырҭгьы. Иара убас акинофильмқәа рыҟны "Хҭарԥа шкәакәа", "Иԥшьоу ажьирҭа асаркьал", "Амзаҿа ангыло". Виолетта Маанԥҳа иланашьоуп "Ахьӡ-Апша" аордена III аҩаӡара, "Аџьа аветеран" амедал. "Лыхнытәи ааԥхьара" - 35 шықәса Хәажәкыра 18, 1989 шықәсазы аԥсуа жәлар СССР анапхгара рахь "Лыхнытәи ааԥхьара" ҟарҵеит. Еиҳарак ари аус аҟны аус ӷәӷәа руан ақырҭуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы. Есыҽны дара Қырҭтәыла акьыԥхь, арадио, ателехәаԥшра рҿы аԥсуаа ргәы ԥыржәон, дара ақырҭуа дгьыл аҟны "исасцәоуп", "апсуицәа" ауп ирыхьӡу, ирымоу автономиаҵәҟьа рымхтәуп ҳәа. Уи аҭакс аԥсуа милаҭтә ҵысра алахәылацәа ашәҟәы рҩит Аԥсны уаанӡа иамаз хазы иҟоу аидгылатә республика астатус азырхынҳәызарц азы адҵа ҟаҵо. Убас, хәажәкыра 18, 1989 шықәсазы иҟалаз наунагӡа аҭоурых аҿы иаанхо ахҭыс. Зықьҩыла аԥсуа жәлар ахаҭарнакцәа Лыхнашҭа еизаны еицрыдыркылеит СССР анапхгара рахь ирҩыз "Лыхнытәи ааԥхьара". Нурбеи Камкьиа – 90 шықәса Мшаԥы 15 1934 шықәсазы диит Аԥсны жәлар рартист Нурбеи Камкиа. Иара Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатртә институт далгеит, аус иуан Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Аҟәатәи акультура-арккаратә ҵараиурҭаҿы актиортә ҟазаразы алекциақәа дрыԥхьон, аус иуан Тҟәарчалтәи атеатр аҟны арежиссиор-қәыргылаҩс.Аԥсуа театр асценаҿ Нурбеи Камкиа қәҿиарала дыхәмарит: Анджело ("Анджело" В. Гиуго, 1959), Асланбеи ("Ашамҭаз" А. Лагәлаа, 1959), Тахи ("Ҳаамҭазтәи ахлымӡаах" Р. Ебралиӡе, 1961), Машьгәыгә ("Ҩаԥхьа ианышәҭуа" Гь. Гәыблиа, 1962), аминистр ("Аҳәынҭқар ҟьантаз" Е. Шварц, 1963), Ганс ("Иван-аԥсуа" М. Чамагәуа, 1963), Филипп ("Дон Карлос" Ф. Шиллер, 1971) уҳәа. Иара убас, дыхәмарит акыр жәабала асахьаркыратә фильмқәа рыҟны. Нурбеи Камкиа ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара, "Аџьа агәымшәараз" амедал. Актиор идунеи иԥсахит 2013 шықәсазы.Гьаргь Ӡиӡариа – 105 шықәса Аҵарауаҩ-аҭоурыхдырыҩ Гьаргь Ӡиӡариа диит Лыхны ақыҭан 1914 шықәса лаҵара 6 рзы. Еицырдыруа аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, аҭоурыхдырыҩ, арҵаҩы, кавказҭҵааҩы, аҵарауаҩ ду Гьаргь Ӡиӡариа аԥсуа ҭҵаарадырраҿы еиԥш асовет ҭоурыхдырраҿгьы ихьӡ-иԥша ыҟан. Иара раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵоз аԥсуа ҭоурыхдырра ашьаҭаҿы дгылан. Аиҳаракгьы иара ироль дуны ишьоуп аԥсуа ҭоурыхҭҵаареи аԥсуадырра егьырҭ ахырхарҭақәеи рҿы. Гьаргь Ӡиӡариа инапы иҵихит 200 рҟынӡа кьыԥхьымҭа. Урҭ рҟынтәи 70 аҭҵаарадырратә усумҭақәеи 23 шәҟәыи. Гьаргь Ӡиӡариа иԥсҭазаара далҵит 1989 шықәсазы. Владимир Аршба – 65 шықәса Лаҵара 8, 1959 шықәсазы диит Аԥсны Афырхаҵа Владимир Аршба. Владимир Аршба - аинрал-леитенант, аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәии усзуҩ, Аԥсуа ар аԥҵаҩцәа дыруаӡәкын. 1992 шықәса цәыббрамзазы Аршба Аԥсны Арратә мчрақәа рыдҵаҟаҵаҩыс дҟаҵан, 1992 шықәса жьҭаара 11 инаркны Аԥсны Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа неигӡон. Аполковник Сулҭан Сосналиеви иареи Атәылахьчара аминистрра аусбарҭа аус адыруылон. Аԥсны Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа шьҭеиҵеит игәамбзиара иахҟьаны 1993 шықәса мшаԥымзазы. Арратә зҵаарақәа рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иабжьагаҩс дҟаҵан, аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны Арратә комиссарс дҟаҵан. 2018 шықәсазы Владимир Аршба иԥсҭазаара далҵит. Кандид Ҭарба – 80 шықәса Лаҵара 13, 1944 шықәса рзы диит Аԥсны жәлар рартист Кандид Ҭарба. Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы, адиректор. Кандид Ҭарба зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәаратәи рыкәашаратәи ансамбль артистс дыҟан, Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль абалет далахәын. 1980 шықәса раахыс Аԥсны зҽаԥсазтәыза Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәаратәи рыкәашаратәи ансамбль абалетмеистер хадас дыҟан. Иара ихьӡ ауп изыдҳәалоу ансамбль "Кавказ" ашьақәгылара. 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьҵәҟьа еиҿкаан "Кавказ". Ансамбль алахәын Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Германиа, Польша имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа. Кандид Ҭарба ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара, аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рҿы илшарақәа рзы "Аиҩызара аорден". Кандид Ҭарба иԥсҭазаара далҵит лаҵарамза 1, 2016 шықәсазы. Константин Озган – 85 шықәса Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутат, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, адәныҟатәи аусқәа рминистр, аекономика аминистр, Аҳәынҭқарратә шәахтә маҵзура ахантәаҩы, Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Константин Озган диит Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан лаҵара 15, 1939 шықәса рзы. Озган акыршықәса Қырҭтәыла аиҳабыра Гәдоуҭа апартиа араиком актәи амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. Убри аан активла Аԥсны имҩаԥысуаз аполитикатә қәгыларақәа, аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далахәын. Константин Озган ипатриотизмреи ижәлар рахь ибзиабареи ирылҵшәоуп Аԥсны ахьыԥшымраз ақәԥараҿы ииашаз аӡбрақәа рыҟаҵара, аиҳаракгьы 1989 шықәсазтәи ахҭысқәа раан. 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан атәыла ахақәиҭраз илагала ду алоуп: Атәылахьчара Аҳәынҭқарратә еилакы далахәылан. Аусура ду мҩаԥигон Нхыҵ-Кавказынтә хатәгәаԥхарала еибашьра иаауаз рыбжьара. Аԥсны анапхгара рнапынҵала изныкымкәа Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа рнапхгаҩцәа дырԥылахьан. Константин Озган иԥсҭазаара далҵит 2016 шықәсазы. Валериан Кобахьиа – 95 шықәса Аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, Қырҭтәыла акоммунисттә партиа Аԥснытәи аобласттә еилакы актәи амаӡаныҟәгаҩ, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет Апрезидиум амаӡаныҟәгаҩ, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет Апрезидиум ахантәаҩы, 7, 8, 9-тәи СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутат Валериан Кобахьиа диит 1929 шықәса лаҵара 15 рзы. Аҟәатәи арҵаҩратә институт аурыс бызшәеи алитературеи рфакультет даналга ашьҭахь акомҿартә усура дазырхан: Гәдоуҭа араионтә комҿареидгыла аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩыс, нас актәи амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан. Далхын Аԥсны акомҿареидгыла аобком амаӡаныҟәгаҩыс, нас актәи амаӡаныҟәгаҩыс. ЦК КПСС аҿы иаԥҵаз Иреиҳаӡоу апартиа ашкол доушьҭымҭан. 1965 – 1975 шықәсқәа рзы – Қырҭтәыла акоммунисттә партиа Аԥснытәи аобласттә еилакы актәи амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан. Кобахьиа иԥсҭазаара далҵит рашәара 28, 1992 шықәсазы. Шәарах Ԥачалиа – 110 шықәса Шәарах Ԥачалиа диит лаҵарамза 20, 1914 шықәсазы. Атеатри акинои рактиор, арежиссиор, адраматург, Аԥснытәи АССР Жәлар рартист, Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартист, СССР Жәлар рартист. Иара атеатртә ҟазара ажанырқәа зегьы дрыманшәалан. Еиҳа ирдыруаны иҟоуп ирольқәа: Гьедлач ("Кьараз" С. Ҷанба), Кьагәа ("Инаԥҳа Кьагәа" М. Ақаҩба), Баҭал ("Амҳаџьыр" С. Ҷанба), Мшәагә ("Афырхаҵа ицаҟьа" Г. Гәлиа), Даур ("Асас еиқәаҵәақәа" Г. Гәлиа), Ҳаџьараҭ Кьахьба ("Ахрашәа" Б. Шьынқәба), Ленин ("Март ԥшьба" Ш. Аџьынџьал). Руслан Ҳашыг – 65 шықәса Рашәара 15, 1959 шықәсазы диит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг. Иара дроушьҭымҭоуп ААУ афилологиатә факультет, М. Ломоносов ихьӡ зху МАУ ажурналистика афакультет. Агазеҭ "Аԥсны" аҟны аус иуан еиҭагаҩыс, корреспондентс. 1990-1994 шықәсқәа рзы Аҳәынҭтелерадиоеилахәыра редактор хадас, астудиа адиректорс дыҟан. "Останкино" актәи аканал аинформациатә программақәа рдирекциа аштатнҭыҵтә корреспондентс дыҟан. 1995-1997 шықәсқәа раан – ОРТ ахатәы корреспондентс Аԥсны дыҟан. 1997-1998 шықәсқәа раан – НТВ акорреспондентс Аԥсны дыҟан. 1998-2003 шықәсқәа раан – Аԥсны ахада ипресс- маӡаныҟәгаҩ, "Аԥсныпресс" адиректор. 2003-2004 шықәсқәа раан – Аԥснытәи аҳәынҭтелерадиоеилахәра ахантәаҩыс. 2006 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа "Абаза-ТВ" адиректор хада. 2016 шықәсазы далхын Ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩыс. Геннади Аламиа – 75 шықәса Ԥхынгәы 24, 1949 шықәсазы диит Геннади Аламиа – аԥсуа поет, аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәии аусзуҩы, СССР-и, Урыстәылеи, Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Аԥсны аҳәынҭқарратә гимн автор, амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара аветеран. Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет – Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс дыҟан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны ахаҭарнак иаҳасабала Нхыҵ-Кавказ анапынҵа ҷыда наигӡон. Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" аԥҵара аԥшьгаҩцәа дреиуан, редактор хадас даман аԥсышәала иҭыҵуаз афорум агазеҭ "Аидгылара". Кавказ ашьхаруа жәларқәа Рассамблеиа ахада актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс, Аԥсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Геннади Аламиа ажурнал "Черкесский мир" редактор хадас аус иуан. Г. Аламиа иҩымҭақәа еиҭаргахьеит аурыс, англыз, афранцыз, аполиак, аболгар, аерман, араб, аукраин, амолдав уҳәа абызшәақәа рахь. Апоет ирҿиамҭақәа рҿы аҭыԥ ду ныркылоит аԥсадгьыл, ажәлар ртема. Иԥсадгьыл алахьынҵоуп Аламиа иуаажәларартә усурагьы зыдҳәалоу. "Адивизиа ццышә" (Дикая дивизия) – 110 шықәса Нанҳәа 23, 1914 шықәсазы, Актәи адунеизегьтәи аибашьар ианалага ашьҭахь аҳәынҭқар Николаи II идҵа рыларҳәеит "Кавказ ашьагәыҭуаа рҽылатә дивизиа" аиҿкааразы. Кавказтәи аполкқәа хьыӡла-ԥшала рҿаԥхьа иқәгылаз аусқәа нарыгӡон. Дара ирылахәын аԥснытәи аҽыуаагьы. Аибашьра ашьҭахь урҭ рҟынтәи ихынҳәыз амилаҭ-хақәиҭратә қәԥаҩцәа "Кьаразаа" ирылахәны Ашьхаруатә республика аиҿкааразы рлагала духеит. "Адивизиа ццышә"("Дикая дивизия") 7000 нызқьҩык рҟынӡа аҽыуаа рыла ишьақәгылан. Урҭ рҟынтәи 3500-ҩык Гьаргь иџьарқәеи "Агәымшәараз" амедалқәеи ранашьан. Аҟәатәи ареалтә ҵараиурҭа – 120 шықәса Цәыббра 20, 1904 шықәсазы иаадыртит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь. Иара Аҟәатәи ареалтә ҵараиурҭа ашьаҭала еиҿкаан. Усҟантәи аамҭазы ақалақь аҿы аус руан: Аҳәса ргимназиа, ф-класск иҟаз ақалақьтә ҵараиурҭа, Ашьхаруаа рышкол, Ауахәамаҭааратә школ, Аминистртә школ. Асовет аамҭазы иара Аиндустриалтә техникум ҳәа еиҭаркит. Иахьа – Аҳәынҭқарратә коллеџь ҳәа ахьӡ амоуп. Асовет аамҭазы атехникум аҿы иӡрыжәуан атехникатә кадырқәа, анаҩс Аԥсны аиԥш анҭыҵгьы аус зуаз. Дырмит Гәлиа иҩны-музеи – 50 шықәса Цәыббра 22, 1974 шықәсазы иаадыртит аԥсуа ҩыра ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа Иҩны-амузеи. Амузеи аартра иалахәын ареспублика анапхгара, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, акультура, аҟазара, алитература русзуҩцәа, асасцәа. Аҩны-амузеи анҵамҭашәҟәы аатуеит Константин Симонов иажәақәа рыла: "Ара дынхон, аус иуан аҟыбаҩ ссир змаз, агәаӷь зызҭаз ауаҩы џьашьахәы. Иахьагьы абра дтәаны иҩызцәа даҳзыԥшушәа збоит. Ирацәахашт ԥхьаҟагьы иҭаауа – еиуеиԥшым абиԥарақәа, амилаҭқәа". Валери Гамгьиа – 80 шықәса Цәыббра 29, 1944 шықәсазы диит асахьаҭыхыҩ, аҳәынҭқарратә символика автор Валери Гамгьиа. Валери Гамгьиа - асахьаҭыхыҩ, аграфик, амонументалист, аиллиустратор, Аԥснытәи АССРи ҚССРи зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ, Аԥсни СССРи рсахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" алахәыла, Аԥсны абираҟи агерби равтор. Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа, аграфика афакультет доушьҭымҭоуп, идипломтә усумҭа– "Аԥсны иахьа" (аполиптих). Ахәыҷтәы журнал "Амцабз" асахьаҭыхратә редактор. Валери Гамгьиа иԥсҭазаара далҵит 1992 шықәсазы. Минадора Зыхәԥҳа – 115 шықәса Цәыббра 30, 1909 шықәсазы диит Аԥсны жәлар рартистка, еицырдыруаз, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театрр атрагедиатә актриса Минадора Зыхәԥҳа. Фышықәса анылхыҵуаз аеҭымра лыхьӡеит, иуадаҩыз лхәыҷра шықәсқәа Қарҭтәи ахәыҷқәа рыҩнахьы днанагоит. Атеатр аҿы раԥхьатәи ашықәсқәа лара лзы идырра рҳаган, актиортә ҟазара иаҵараамҭан. Иахьагьы изгәалашәо рацәаҩуп М. Зыхәԥҳа баҩхатәра дула иналыгӡоз арольқәа. Убарҭ иреиуоуп: Г. Гәлиа – "Афырхаҵа икаҵәара" (Гәында), М. Шавлохов – "Аԥҳәысҳәаҩ" (Минаҭ), А. Цагарели – "Ҳанума" (Ҳанума), А. Лашәриа – "Абзиабара иаша" (Камаҷыҷ), Г. Мдивани – "Ауаа қьиақәа" (Кама), Еврипид – "Медеиа" (Медеиа), Г. Абашиӡе – "Адунеи аԥштәқәа" (Цира), М. Горки – "Аҵыхәтәантәиқәа" (Софиа), О. Иоселиани – "Ауардын хышәҭаанӡа" (Кесариа), А. Сумбаҭишьвили-Иужин – "Аԥсахра" (Зеинаб), Џь. Аҳәба – "Аҳақ ашәара" (Гәыдихан), Г. Габуниа – "Амра агыламҭаз" (Шьоуҳар) уҳәа егьырҭгьы. Иланашьан Аџьа абираҟ ҟаԥшь аорден, амедалқәа: "Аџьа аветеран", "1941-1945шш. рзы аџьатә фронт алахәыла", "Қәҿиарала аџьаусуразы" (1941-1945гг.). Аԥсуа театр аҿаԥхьа иқәыргылоуп лбиуст. Хәыхәыт Бӷажәба – 110 шықәса Хәажәкыра 15, 1914 шықәсазы диит аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Хәыхәыт Бӷажәба.Аԥсуа литературатә критика дашьаҭаркҩын, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабыс дыҟан. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа далауреатын. Нелли Ҭарԥҳа – 90 шықәса Абҵара 20, 1934 шықәсазы диит Аԥсны жәлар рпоет, апрозаик, адраматург, апублицист Нелли Ҭарԥҳа. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит. Аус луан ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аредакциаҿы. Лымч-лылша азкын аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәеи арҵагатә литературеи аредакциа рзуреи рҭыжьреи. Раԥхьатәи лажәеинраалақәа кьыԥхьын 1952 шықәсазы. Заанаҵтәи ллирикаҿы аԥыжәара аман абзиабара атема. Анаҩс аԥсадгьыл абзиабара, ажәлар рлахьынҵа, аибашьреи аҭынчреи, амҳаџьыраа рытрагедиа, аԥсабара уҳәа еиуеиԥшым атемақәа лхы иалырхәо далагеит. Иналукааша лыпрозатә рҿиамҭақәа иреиуоуп апиесақәа "Маҵиса" (1967), "Аԥсымра" (1967), "Ашәы зшәу аҭыԥҳа" (1971). Нелли Ҭарԥҳа лыԥсҭазаара далҵит 2014 шықәсазы. Софа Агәмааԥҳа – 85 шықәса Ԥхынҷкәын 20, 1939 шықәсазы диит Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа. Далгеит Шота Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатртә институт. 1960 шықәсазы дрыдыркылеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахь. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Амиран Ҭаниеи лареи аԥсуа еибашьцәа рпозициақәа рахь аконцерттә программа рыманы инеиуан. 2014 шықәса нанҳәамзазы Аԥснытәи аҿар ртеатр асахьаркыратә напхгаҩыс дҟаҵан. Атеатр аҿы лусураан Софа Агәмааԥҳа иаԥылҵеит 70 рҟынӡа ахаҿсахьа ссирқәа: Тизбе ("Анџьело" В. Гиуго, 1960), Лола ("Ҳаамҭазтәи атрагедиа" Р. Ебралиӡе, 1961), Наталиа ("Ажәанҵара" А. Чехов, 1962), агувернантка ("Аҳәынҭқар ҟьантаз" Е. Шварц, 1962), Асида ("Ашәа аԥҵара мариам" Н. Ҭарԥҳа, 1963), Емилиа ("Отелло" У. Шекспира, 1964) назлоу. Константин Ковач –125 шықәса Ԥхынҷкәын 24, 1899 шықәсазы диит акомпозитор, аетнограф Константин Ковач. Константин Ковач – Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, амузыкатә фольклористика ашьаҭаркҩы, раԥхьатәи анотатә ҭыжьымҭақәа, жәлар рашәақәа реизгақәа равтор. Акырӡа ибеиоу аԥсуа жәлар рашәақәа раԥхьаӡа акәны реизакра, рыҭҵаара далагеит акомпозитор, аетнограф К.В. Ковач. Милаҭла ивенгрыз К. Ковач аԥсуа милаҭмаҭәа ишәиҵон, аԥсуа қыҭақәа дрылсуа еизигон хәызмаӡам арҿиамҭақәа, афонограф иҭаиҩуан. Акыршықәса рыҩнуҵҟа еизигеит, икьыԥхьит 150 жәлар рашәа. https://sputnik-abkhazia.info/20230205/azlatsazhasha-amoup-chkhamalia-aau-aourykhi-iakha-asazaashei-iazkny-1043939195.html https://sputnik-abkhazia.info/20230221/korsaiaa-dyrmit-glia-iiramsh---milat-nya-duny-sakhashueit-1044249402.html https://sputnik-abkhazia.info/20190310/Byzh-khak-irkhysyz-Akademik-Shoa-Arsaa-90-shysa-ikhyit-1026845149.html https://sputnik-abkhazia.info/20230529/auara-agara-aalalra-zlaz-asny-abati-akhada-sergei-bagash-igalasharazy-1046052571.html https://sputnik-abkhazia.info/20230311/inapylaaaram-abaa-1044537856.html https://sputnik-abkhazia.info/20190313/Asua-Esenin-Iua-Koonia-diizhei-115-shysa-it-1026864633.html https://sputnik-abkhazia.info/20180507/anchabadse-atourihtzaay-giarg-dsidsaria-iskni-ihds-ipsha-ikan-1023869272.html https://sputnik-abkhazia.info/20190515/Iazha-raan-esymsha-Konstantin-Ozgan-diizhei-80-shysa-it-1027361744.html https://sputnik-abkhazia.info/20201004/Salamshyk-ashaka-ryla--Sharakh-achaliei-Tarchalti-ateatri-1031049249.html https://sputnik-abkhazia.info/20190803/reyharayik-hinchit-apsuaa-akti-aduneisegti-aibashrakni-ichirpshigan-1015319007.html https://sputnik-abkhazia.info/20181120/archiayi-ihi-ipsi-slakou-ala-diyueit-nelli-tarpha-lgualarsharasi-1025702917.html https://sputnik-abkhazia.info/20151224/1016710897.html Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 2024 Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Ажәабжьқәа ab_AB Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 1920 1080 true 1920 1440 true https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102670/65/1026706571_0:202:853:842_1920x0_80_0_0_cf25740fb26023599373cbd6aab33854.jpg 1920 1920 true Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Sputnik Аҧсны аԥсны, ажәабжьқәа, акультура, ауаажәларра аԥсны, ажәабжьқәа, акультура, ауаажәларра Иҷыдоу арыцхәқәа: 2024 шықәсазы Аԥсны иазгәарҭараны иҟоу аиубилеиқәа 09:20 03.01.2024 © Foto / семейный архивДмитрий Гулиа на даче Смецкого © Foto / семейный архив Анапаҵаҩра 2024 шықәсазы Аԥсны иазгәаҭахоит имаҷымкәа аиубилеитә рыцхәқәа – еицырдыруа ауаа риирамшқәа, аҳәынҭқарратәии акультуратәии аусбарҭақәа рышьаҭаркра арыцхәқәа. Sputnik Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла – 80 шықәса Ажьырныҳәа 5, 1939 шықәсазы Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа арҵаҩцәа раԥшьгарала еиҿкаан Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла. Иара аусура арманшәаларазы аҟәшақәа рыла еихшан. Шықәсык ашьҭахь, Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла еиҿнакааит аҭыԥантәи аҟазауаа русумҭақәа рцәыргақәҵа. Уи аамҭазы Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла хықәкыс иамаз зыҩаӡара ҳаракыз, аидеиатә сахьаркыратә рҿиамҭақәа раԥҵара, еиуеиԥшым ажанрқәа, аҟазара ахкқәа зегьы аус рыдулара, зыргылара иаҿыз СССР акоммунизм ацхраара акәын. Иахьа, Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иамоу атрадициақәа ирыцҵо амилаҭтә ҟазара еихаҳауа иааргоит. Араҟа иҟоуп аҿыханҵаҩцәа, аскульпторцәа, аграфикцәа, ателехәаԥшреи, акинои, атеатри рсахьаҭыхыҩцәа, адекораторцәа уҳәа. Сергеи Сақаниа – 90 шықәса Ажьырныҳәа 15, 1934 шықәсазы диит Аԥсны жәлар рартист, Аԥсуа драматә театр актиор Сергеи Сақаниа. Иара асценаҿ инаигӡеит абарҭ арольқәа: Абдураҳман ("Ақьачақь" Н. Хикмет, 1965), Абгахәыҷы ("Ажәеиԥшьаа рыԥҳа" Р. Џьопуа, 1967), Арԥыс қәыԥш ("Ашьхаҭыԥҳа" Р. Гамзатов, 1968), Еснаҭ ("Ахрашәа" Б. Шьынқәба, 1971), Баҭал ("Асас" А. Мықәба, 1971), Аинквизитор ("Дон Карлос" Ф. Шиллер, 1971) уҳәа егьырҭгьы. 2014 шықәсазы Сергеи Сақаниа Аԥсны жәлар рартист ҳәа ахьӡ ихҵан. Актиор иԥсҭазаара далҵит 2022 шықәсазы. Арҵаҩратә институт аиҭакра – 45 шықәса Жәабран 5, 1979 шықәсазы А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ҳәа еиҭакын. Ауниверситет аԥхьатәи аректорс дыҟан академик Зураб Анчабаӡе. Иахьа ААУ – зыҩаӡара ҳараку аҭҵаарадырра-рҵаратә комплексуп, Евразиатәи ауниверситетқәа р-Ассоциациа иалахәылоуп, Оксфордтәи Академиатә Еидгылеи егьырҭ жәларбжьаратәи аидгылақәеи ирылахәуп. Арадио Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Чхамалиа ААУ аҭоурыхи иахьа аԥсҭазаашьеи иазкны 5 Жәабран 2023, 11:21 Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла – 65 шықәса Жәабран 11, 1959 шықәсазы имҩаԥысит Аԥсны ажурналистцәа актәи робласттә конференциа. Аконференциа аусура иалахәын аобласттәи араионтә газеҭқәа, арадио, аҭыжьырҭақәа русзуҩцәа, ареспубликатә газеҭқәа ркорреспондентцәа. Иқәгылоз аконференциа алахәылацәа Аидгыла аусура аиҿкаашьазы ажәалагалақәа ҟарҵон, Ажурналистцәа Реидгыла апроект аиҭакрақәеи ацҵарақәеи аларгалон. Излацәажәоз азҵаарақәа рзы арезолиуциа анрыдыркыла ашьҭахь, аконференциа алахәылацәа иалырхит быжьҩык злахәыз анапхгаратә еилазаара. Аԥсуа драматә театр – 95 шықәса Жәабран 17, 1929 шықәсазы раԥхьаӡа акәны ашәқәа аатит Аԥснытәи апрофессионалтә драматә театр. Раԥхьатәи аԥсуа театралтә студиа еиҿикааит еицырдыруаз амилаҭтә культура аусзуҩ, арҵаҩы, арккаҩы, аԥсуа музыкатә фольклор здыруаз К. Ӡиӡариа. Атеатр анапхгаҩыс, рҵаҩыс дҟаҵан арежиссиор, арҵаҩы Виктор Домогаров. Кондрат Ӡиӡариеи иареи аԥсуа қыҭақәа ирылаланы аҟыбаҩ злаз аҿар еидыркылаз роуп, раԥхьатәи апрофессионалтә актиорцәа, анаҩс Аԥсни Қырҭтәылеи жәлар рартистцәахаз, аԥсуа сцена иазҟазацәахаз - Азиз Агрба, Лео Касланӡиа, Шәарах Ԥачалиа, Михаил Ақаҩба уҳәа егьырҭгьы. Дырмит Гәлиа – 150 шықәса Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диит жәабран 21, 1874 шықәсазы. Дырмит Гәлиа – аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, арккаҩы, апоет, апрозаик, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, афольклорист, алингвист, СССР Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәыла, Аԥсны Жәлар рпоет, Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа. Дырмит Гәлиа иоуп ХХ ашәышықәса алагамҭазы аԥсуа ҩыреи алитературеи рышьаҭа зкыз. 1892 шықәсазы Константин Маҷавариани дицырхырааны еиқәиршәеит, егьҭижьит "Аԥсуа нбан", иҩит раԥхьатәи аԥсуа бызшәа арҵагақәа, икьыԥхьит раԥхьатәи аԥсуа жәеинраалақәа. Д. Гәлиа илитературатә рҿиара ахацыркра апоезиа иадҳәалоуп. Иажәеинраалақәа рҟны ихы иаирхәон жәлар рҿаԥыц поезиа атрадициақәа, асиужетқәеи амотивқәеи рыла мацара акәымкәа, жәлартә жәеинраала аформеи аритмикеи рыла. Гәлиа аԥсуа литературатә жәар акыр ирҭбааит, иалеигалеит ажәа ҿыцқәа, аилкаарақәа. Арадио Корсаиаԥҳа: Дырмит Гәлиа иирамш - милаҭтә ныҳәа дуны сахәаԥшуеит 21 Жәабран 2023, 15:40 Агазеҭ "Аԥсны" – 105 шықәса Жәабран 27, 1919 шықәсазы Д.И.Гәлиа инапхгарала иҭыҵит агазеҭ "Аԥсны" раԥхьатәи аномер. Убри аахыс амилаҭтә кьыԥхь иамшны иазгәарҭоит жәабран 27. Д.И.Гәлиа агазеҭ раԥхьатәи аномер ианиҵаз аԥхьажәаҿы иазгәеиҭон "Иахьа Аԥсны ҽаԥарак иԥеит" ҳәа. Шьахәла еиликаауан ҳажәлар рхатәы бызшәала агазеҭ ахьроуз акырӡа шаҵанакуаз. Амилаҭтә газеҭ аҭыҵра хҭыс дуны иҟалеит аԥсуа жәлар рдоуҳатә культура арҿиараҿы. Уи иаднаԥхьалон алитературеи, апублицистикеи, аҭҵаарадырреи рахь раԥхьатәи зшьаҿақәа еихызгоз аҿар. Шоҭа Арсҭаа – 95 шықәса Хәажәкыра 10, 1929 шықәсазы диит Аԥсуа бызшәаҭҵааҩы, аԥсуа грамматиказы аҟазауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт абызшәа аҟәша аусзуҩ Шоҭа Арсҭаа. Шоҭа Арсҭаа – иналукааша кавказҭҵааҩуп. Аԥсуа бызшәа аҭҵаараҿы, Аԥсны аҭҵаарадырра арҿиараҿы, аҟазауаа реиҵааӡараҿы илагала шьардоуп. Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа раԥхьатәи ахада, Аԥсны иреиҳаӡоу ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Ш. Арсҭаа ианашьоуп аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара. "Быжь-хаҳәк ирхысыз": Академик Шоҭа Арсҭаа 90 шықәса ихыҵит 10 Хәажәкыра 2019, 14:35 Сергеи Багаԥшь – 75 шықәса Хәажәкыра 4, 1949 шықәсазы диит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь. Аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара ижәлар рыԥсҭазаара иузаҟәымыҭхоны иҟан. Уи азоуп аԥсуа жәлар ажьырныҳәа 12, 2005 шықәсазы рлахьынҵа инапы изанырҵаз, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас дзалырхыз. Иара данысит аԥсҭазааратә мҩа ду – Мықәтәи аефирхәшатә совхоз агроҟәша аиҳабы инаиркны апартиа Очамчыратәи араиком актәи амаӡаныҟәгаҩ иҟынӡа. Анаҩс –Аԥсны Жәлар Реизара адепутат инаиркны Аԥсны анапхгара аиҳабы иҟынӡа. Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы, 62 шықәса дшырҭагылаз. Аԥсны Ауаҩра, агәаӷьра, аҳалалра злаз: Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь игәалашәаразы 29 Лаҵара 2023, 13:25 Фазиль Искандер – 95 шықәса Хәажәкырамза 6, 1929 шықәсазы диит Фазиль Искандер – апоет, апрозаик, апублицист, Жәларбжьаратәи ассоциациа "Мир культуры" ахада. Ианашьан СССР Аҳәынҭқарратә премиа, Гамбургтәии Пушкинтәии апремиақәа, Жәларбжьаратәи алитературатә премиа Малапарти, Андреи Сахаров ипремиа, Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиа, Жәларбжьаратәи апремиа Москва-Пенне уҳәа егьырҭгьы. Искандер ирҿиамҭақәа ирыԥхьоит европатәи абызшәақәа зегь рыла. Иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәы 31, 2016 шықәсазы. Фазиль Искандер алитератураҿы илагалазы, насгьы акыршықәсатәи ирҿиаратә усуразы ианашьан Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара, Урыстәылатәи Афедерациа аорден "Аџьынџьтәыла аҿаԥхьа ақәҿиарақәа рзы" 2-тәи, 3-тәи, 4-тәи аҩаӡарақәа. Таиф Аџьба – 85 шықәса Хәажәкыра 11, 1930 шықәсазы диит аԥсуа поет, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны аҳәынҭқарратә премиа алауреат Таиф Аџьба. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет (анемец бызшәа аҟәша) далгеит. 1983-1985 шш.рзы дырхысит А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт Иреиҳаӡоу алитературатә курсқәа. Аус иухьан ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аҟны редакторс, ажурналқәа "Алашара", "Ашколи аԥсҭазаареи" рредакциақәа рҟны, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аконсультантс. Авторс дрыман жәаба инареиҳаны ажәеинраалақәеи апоемақәеи реизгақәа. Иажәеинраалақәа рыхәҭак еиҭагоуп аурыси ақырҭуеи бызшәақәа рахь. Т. Аџьба аԥсшәахь еиҭеигеит А.С. Пушкин, М.И. Лермонтов, Ф.И. Тиутчев, А.А. Блок, Л. Озеров, А. Чивилихин, Б.А. Ахмадулина, Р.Ф. Казакова, Қь. Л. Мхце, Ҳ. Ԥанеш, И. Лакербаи, И.Е. Нонешвили, М. Ԥоцхишвили, М. Мирнели ражәеинраалақәа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәа, 1992 ш. жьҭаара жәба рзы ақырҭуа қәылаҩцәа дрытҟәеит, убри нахыс ихабар аӡәгьы имбеит. Аԥсны Инапылаҟаҵарам абаҟа 11 Хәажәкыра 2023, 11:19 Иуа Коӷониа – 120 шықәса Хәажәкыра 13, 1904 шықәсазы диит апоет Иуа Коӷониа. Д. И. Гәлиа иаԥшьгарала еиҿкааз Кәтол ақыҭантәи ашкол даналга, 1919 ш. инаркны аҵара иҵон Аҟәатәи арҵаҩратә семинариаҿы (ашьҭахь – арҵаҩратә техникум). Араҟа аԥсуа бызшәа дирҵон Д. И. Гәлиа. Асеминариаҿы алитературатә кружок аусуреи анапылаҩыратә журнал "Ашарԥы-еҵәа" аҭыжьреи дрылахәын. 1924-1925 шш. рзы Аҟәа еиҿикааит алитературатәи адраматәи кружокқәа. Инапхгарала иҭрыжьуан анапылаҩыратә журнал "Аҿар рыбжьы". 1925-1928 шш. раан И. Коӷониа аҵара иҵон Москватәи аҳәынҭқарратә ажурналистикатә институт аҟны. Иҵара алгара рацәак игымкәа игәабзиара аауашәшәырахан, ӷәӷәала дычмазаҩны Аҟәаҟа дааргеит. Иԥсҭазаарагьы далҵит. Иуа Когониа хықәкы хадас иман ақалақьи ақыҭеи рҟны акультура-рккаратә усура амҩаԥгара, ахатәы бызшәа аиқәырхареи уи арҿиареи, ауааԥсыра рыҩнуҵҟатәи аҵарадара аԥыхра, алитераторцәа ҿарацәа ралԥшаара. Анаҩс еизигаз афольклортә материалқәа ирҿиамҭақәа шьаҭас ироуит. "Аԥсуа Есенин": Иуа Коӷониа диижьҭеи 115 шықәса ҵит 13 Хәажәкыра 2019, 13:25 Асахьаҭыхратә галереиа – 60 шықәса Хәажәкыра 17, 1964 шықәсазы Аҟәа иаԥҵан асахьаҭыхратә галереиа. 1963 шықәсазы Аԥсны Аминистрцәа Рхеилак иаӡбит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟәша ашьаҭала иаԥҵазарц Асахьаҭыхратә галереиа. Аԥснытәи Асахьаҭыхратә галереиа аԥҵара иалахәын еицырдыруаз асахьаҭыхыҩцәа: В. Бубнова, О. Брендель, М. Ешба, Хә. Аҩӡба уҳәа аӡәырҩы. Ианаадыртуаз аҽны агалереиа азалқәа хԥа рыҟны ицәырган 12 скульптуреи 100 инарзынаԥшуа асахьақәеи. Уи аахыс агалереиа афондқәа еиҳа-еиҳа еизҳауеит. Виолетта Маанԥҳа – 85 шықәса Хәажәкыра 26, 1939 шықәсазы диит Аԥсны Жәлар рартистка Виолетта Маанԥҳа. Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатртә институт даналга Аԥсуа драматә театр атруппа далалеит. Виолетта Маанԥҳа - қәҿиарала аԥсуа сценаҿ иналагӡеит абас еиԥш иҟоу арольқәа: Ҳанифа ("Анаурқәа", Д.Гәлиа, 1961), Апринцесса ("Аҳәынҭқар кьантаз", Е. Шварц, 1962), Дездемона ("Оттело" У. Шекспир, 1964), Лика ("Сара с Марат рыцҳа" А. Арбузов, 1965), Нуца ("Уаҟа – ишышәҭаху" Б. Шьынқәба, 1977), Адица ("Аӡыхь абжьы" Шь. Аџьынџьал, 1977), Роза ("Брисбенантәи ахҵәаҩы" уҳәа егьырҭгьы. Иара убас акинофильмқәа рыҟны "Хҭарԥа шкәакәа", "Иԥшьоу ажьирҭа асаркьал", "Амзаҿа ангыло". Виолетта Маанԥҳа иланашьоуп "Ахьӡ-Апша" аордена III аҩаӡара, "Аџьа аветеран" амедал. "Лыхнытәи ааԥхьара" - 35 шықәса Хәажәкыра 18, 1989 шықәсазы аԥсуа жәлар СССР анапхгара рахь "Лыхнытәи ааԥхьара" ҟарҵеит. 1988 шықәса инаркны, Звиад Гамсахурдиа дызхагылаз Қырҭтәыла анапхгара, Аԥсны аҭоурых ӷәӷәала еицакуа, Қарҭ, Аҟәа, Гагра ақалақьқәа рҟны лассы-лассы ақәгыларақәа мҩаԥыргон, апериодикатә кьыԥхь аҟны ақырҭуа уааԥсыра рхы иҭаргалон Аԥсны - қырҭуа дгьылуп, аԥсуаа - қырҭуа хылҵшьҭрақәоуп ҳәа. Еиҳарак ари аус аҟны аус ӷәӷәа руан ақырҭуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы. Есыҽны дара Қырҭтәыла акьыԥхь, арадио, ателехәаԥшра рҿы аԥсуаа ргәы ԥыржәон, дара ақырҭуа дгьыл аҟны "исасцәоуп", "апсуицәа" ауп ирыхьӡу, ирымоу автономиаҵәҟьа рымхтәуп ҳәа. Уи аҭакс аԥсуа милаҭтә ҵысра алахәылацәа ашәҟәы рҩит Аԥсны уаанӡа иамаз хазы иҟоу аидгылатә республика астатус азырхынҳәызарц азы адҵа ҟаҵо. Убас, хәажәкыра 18, 1989 шықәсазы иҟалаз наунагӡа аҭоурых аҿы иаанхо ахҭыс. Зықьҩыла аԥсуа жәлар ахаҭарнакцәа Лыхнашҭа еизаны еицрыдыркылеит СССР анапхгара рахь ирҩыз "Лыхнытәи ааԥхьара". Нурбеи Камкьиа – 90 шықәса Мшаԥы 15 1934 шықәсазы диит Аԥсны жәлар рартист Нурбеи Камкиа. Иара Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатртә институт далгеит, аус иуан Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Аҟәатәи акультура-арккаратә ҵараиурҭаҿы актиортә ҟазаразы алекциақәа дрыԥхьон, аус иуан Тҟәарчалтәи атеатр аҟны арежиссиор-қәыргылаҩс. Аԥсуа театр асценаҿ Нурбеи Камкиа қәҿиарала дыхәмарит: Анджело ("Анджело" В. Гиуго, 1959), Асланбеи ("Ашамҭаз" А. Лагәлаа, 1959), Тахи ("Ҳаамҭазтәи ахлымӡаах" Р. Ебралиӡе, 1961), Машьгәыгә ("Ҩаԥхьа ианышәҭуа" Гь. Гәыблиа, 1962), аминистр ("Аҳәынҭқар ҟьантаз" Е. Шварц, 1963), Ганс ("Иван-аԥсуа" М. Чамагәуа, 1963), Филипп ("Дон Карлос" Ф. Шиллер, 1971) уҳәа. Иара убас, дыхәмарит акыр жәабала асахьаркыратә фильмқәа рыҟны. Нурбеи Камкиа ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара, "Аџьа агәымшәараз" амедал. Актиор идунеи иԥсахит 2013 шықәсазы. Гьаргь Ӡиӡариа – 105 шықәса Аҵарауаҩ-аҭоурыхдырыҩ Гьаргь Ӡиӡариа диит Лыхны ақыҭан 1914 шықәса лаҵара 6 рзы. Еицырдыруа аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, аҭоурыхдырыҩ, арҵаҩы, кавказҭҵааҩы, аҵарауаҩ ду Гьаргь Ӡиӡариа аԥсуа ҭҵаарадырраҿы еиԥш асовет ҭоурыхдырраҿгьы ихьӡ-иԥша ыҟан. Иара раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵоз аԥсуа ҭоурыхдырра ашьаҭаҿы дгылан. Аиҳаракгьы иара ироль дуны ишьоуп аԥсуа ҭоурыхҭҵаареи аԥсуадырра егьырҭ ахырхарҭақәеи рҿы. Гьаргь Ӡиӡариа инапы иҵихит 200 рҟынӡа кьыԥхьымҭа. Урҭ рҟынтәи 70 аҭҵаарадырратә усумҭақәеи 23 шәҟәыи. Гьаргь Ӡиӡариа иԥсҭазаара далҵит 1989 шықәсазы. Анчабаӡе аҭоурыхҭҵааҩ Гьаргь Ӡиӡариа изкны: ихьӡ-иԥша ыҟан 7 Лаҵара 2018, 16:41 Владимир Аршба – 65 шықәса Лаҵара 8, 1959 шықәсазы диит Аԥсны Афырхаҵа Владимир Аршба. Владимир Аршба - аинрал-леитенант, аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәии усзуҩ, Аԥсуа ар аԥҵаҩцәа дыруаӡәкын. 1992 шықәса цәыббрамзазы Аршба Аԥсны Арратә мчрақәа рыдҵаҟаҵаҩыс дҟаҵан, 1992 шықәса жьҭаара 11 инаркны Аԥсны Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа неигӡон. Аполковник Сулҭан Сосналиеви иареи Атәылахьчара аминистрра аусбарҭа аус адыруылон. Аԥсны Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа шьҭеиҵеит игәамбзиара иахҟьаны 1993 шықәса мшаԥымзазы. Арратә зҵаарақәа рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иабжьагаҩс дҟаҵан, аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны Арратә комиссарс дҟаҵан. 2018 шықәсазы Владимир Аршба иԥсҭазаара далҵит. Кандид Ҭарба – 80 шықәса Лаҵара 13, 1944 шықәса рзы диит Аԥсны жәлар рартист Кандид Ҭарба. Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы, адиректор. Кандид Ҭарба зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәаратәи рыкәашаратәи ансамбль артистс дыҟан, Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль абалет далахәын. 1980 шықәса раахыс Аԥсны зҽаԥсазтәыза Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәаратәи рыкәашаратәи ансамбль абалетмеистер хадас дыҟан. Иара ихьӡ ауп изыдҳәалоу ансамбль "Кавказ" ашьақәгылара. 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьҵәҟьа еиҿкаан "Кавказ". Ансамбль алахәын Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Германиа, Польша имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа. Кандид Ҭарба ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара, аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рҿы илшарақәа рзы "Аиҩызара аорден". Кандид Ҭарба иԥсҭазаара далҵит лаҵарамза 1, 2016 шықәсазы. Константин Озган – 85 шықәса Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутат, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, адәныҟатәи аусқәа рминистр, аекономика аминистр, Аҳәынҭқарратә шәахтә маҵзура ахантәаҩы, Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Константин Озган диит Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан лаҵара 15, 1939 шықәса рзы. Озган акыршықәса Қырҭтәыла аиҳабыра Гәдоуҭа апартиа араиком актәи амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. Убри аан активла Аԥсны имҩаԥысуаз аполитикатә қәгыларақәа, аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далахәын. Константин Озган ипатриотизмреи ижәлар рахь ибзиабареи ирылҵшәоуп Аԥсны ахьыԥшымраз ақәԥараҿы ииашаз аӡбрақәа рыҟаҵара, аиҳаракгьы 1989 шықәсазтәи ахҭысқәа раан. 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан атәыла ахақәиҭраз илагала ду алоуп: Атәылахьчара Аҳәынҭқарратә еилакы далахәылан. Аусура ду мҩаԥигон Нхыҵ-Кавказынтә хатәгәаԥхарала еибашьра иаауаз рыбжьара. Аԥсны анапхгара рнапынҵала изныкымкәа Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа рнапхгаҩцәа дырԥылахьан. Константин Озган иԥсҭазаара далҵит 2016 шықәсазы. Иажәа раӡан есымша: Константин Озган диижьҭеи 80 шықәса ҵит 15 Лаҵара 2019, 14:36 Валериан Кобахьиа – 95 шықәса Аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, Қырҭтәыла акоммунисттә партиа Аԥснытәи аобласттә еилакы актәи амаӡаныҟәгаҩ, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет Апрезидиум амаӡаныҟәгаҩ, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет Апрезидиум ахантәаҩы, 7, 8, 9-тәи СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутат Валериан Кобахьиа диит 1929 шықәса лаҵара 15 рзы. Аҟәатәи арҵаҩратә институт аурыс бызшәеи алитературеи рфакультет даналга ашьҭахь акомҿартә усура дазырхан: Гәдоуҭа араионтә комҿареидгыла аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩыс, нас актәи амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан. Далхын Аԥсны акомҿареидгыла аобком амаӡаныҟәгаҩыс, нас актәи амаӡаныҟәгаҩыс. ЦК КПСС аҿы иаԥҵаз Иреиҳаӡоу апартиа ашкол доушьҭымҭан. 1965 – 1975 шықәсқәа рзы – Қырҭтәыла акоммунисттә партиа Аԥснытәи аобласттә еилакы актәи амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан. Кобахьиа иԥсҭазаара далҵит рашәара 28, 1992 шықәсазы. Шәарах Ԥачалиа – 110 шықәса Шәарах Ԥачалиа диит лаҵарамза 20, 1914 шықәсазы. Атеатри акинои рактиор, арежиссиор, адраматург, Аԥснытәи АССР Жәлар рартист, Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартист, СССР Жәлар рартист. Иара атеатртә ҟазара ажанырқәа зегьы дрыманшәалан. Еиҳа ирдыруаны иҟоуп ирольқәа: Гьедлач ("Кьараз" С. Ҷанба), Кьагәа ("Инаԥҳа Кьагәа" М. Ақаҩба), Баҭал ("Амҳаџьыр" С. Ҷанба), Мшәагә ("Афырхаҵа ицаҟьа" Г. Гәлиа), Даур ("Асас еиқәаҵәақәа" Г. Гәлиа), Ҳаџьараҭ Кьахьба ("Ахрашәа" Б. Шьынқәба), Ленин ("Март ԥшьба" Ш. Аџьынџьал). "Саламшәҟәык ашьҭақәа рыла" – Шәарах Ԥачалиеи Тҟәарчалтәи атеатри 4 Жьҭаара 2020, 12:35 Руслан Ҳашыг – 65 шықәса Рашәара 15, 1959 шықәсазы диит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг. Иара дроушьҭымҭоуп ААУ афилологиатә факультет, М. Ломоносов ихьӡ зху МАУ ажурналистика афакультет. Агазеҭ "Аԥсны" аҟны аус иуан еиҭагаҩыс, корреспондентс. 1990-1994 шықәсқәа рзы Аҳәынҭтелерадиоеилахәыра редактор хадас, астудиа адиректорс дыҟан. "Останкино" актәи аканал аинформациатә программақәа рдирекциа аштатнҭыҵтә корреспондентс дыҟан. 1995-1997 шықәсқәа раан – ОРТ ахатәы корреспондентс Аԥсны дыҟан. 1997-1998 шықәсқәа раан – НТВ акорреспондентс Аԥсны дыҟан. 1998-2003 шықәсқәа раан – Аԥсны ахада ипресс- маӡаныҟәгаҩ, "Аԥсныпресс" адиректор. 2003-2004 шықәсқәа раан – Аԥснытәи аҳәынҭтелерадиоеилахәра ахантәаҩыс. 2006 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа "Абаза-ТВ" адиректор хада. 2016 шықәсазы далхын Ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩыс. Геннади Аламиа – 75 шықәса Ԥхынгәы 24, 1949 шықәсазы диит Геннади Аламиа – аԥсуа поет, аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәии аусзуҩы, СССР-и, Урыстәылеи, Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Аԥсны аҳәынҭқарратә гимн автор, амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара аветеран. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афизика-математикатә факультет далгеит. Аҵара иҵон Москва, СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәыз А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны. Аҟәа, Д.И.Гәлиа Иҩны-музеи аҟәша деиҳабын, агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" акорреспондентс, ашьҭахь аҟәша аиҳабыс дыҟан, ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредакциаҿы аус иуан, анаҩс А.М.Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт аҟны аԥсуа литературеи афольклори рзы алекциақәа дрыԥхьон. Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет – Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс дыҟан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны ахаҭарнак иаҳасабала Нхыҵ-Кавказ анапынҵа ҷыда наигӡон. Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" аԥҵара аԥшьгаҩцәа дреиуан, редактор хадас даман аԥсышәала иҭыҵуаз афорум агазеҭ "Аидгылара". Кавказ ашьхаруа жәларқәа Рассамблеиа ахада актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс, Аԥсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Геннади Аламиа ажурнал "Черкесский мир" редактор хадас аус иуан. Г. Аламиа иҩымҭақәа еиҭаргахьеит аурыс, англыз, афранцыз, аполиак, аболгар, аерман, араб, аукраин, амолдав уҳәа абызшәақәа рахь. Апоет ирҿиамҭақәа рҿы аҭыԥ ду ныркылоит аԥсадгьыл, ажәлар ртема. Иԥсадгьыл алахьынҵоуп Аламиа иуаажәларартә усурагьы зыдҳәалоу. "Адивизиа ццышә" (Дикая дивизия) – 110 шықәса Нанҳәа 23, 1914 шықәсазы, Актәи адунеизегьтәи аибашьар ианалага ашьҭахь аҳәынҭқар Николаи II идҵа рыларҳәеит "Кавказ ашьагәыҭуаа рҽылатә дивизиа" аиҿкааразы. Кавказтәи аполкқәа хьыӡла-ԥшала рҿаԥхьа иқәгылаз аусқәа нарыгӡон. Дара ирылахәын аԥснытәи аҽыуаагьы. Аибашьра ашьҭахь урҭ рҟынтәи ихынҳәыз амилаҭ-хақәиҭратә қәԥаҩцәа "Кьаразаа" ирылахәны Ашьхаруатә республика аиҿкааразы рлагала духеит. "Адивизиа ццышә"("Дикая дивизия") 7000 нызқьҩык рҟынӡа аҽыуаа рыла ишьақәгылан. Урҭ рҟынтәи 3500-ҩык Гьаргь иџьарқәеи "Агәымшәараз" амедалқәеи ранашьан. Реиҳараҩык хынҳәит: аԥсуаа Актәи адунеизегьтәи аибашьраҟны рлагала 3 Нанҳәа 2019, 12:39 Аҟәатәи ареалтә ҵараиурҭа – 120 шықәса Цәыббра 20, 1904 шықәсазы иаадыртит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь. Иара Аҟәатәи ареалтә ҵараиурҭа ашьаҭала еиҿкаан. Усҟантәи аамҭазы ақалақь аҿы аус руан: Аҳәса ргимназиа, ф-класск иҟаз ақалақьтә ҵараиурҭа, Ашьхаруаа рышкол, Ауахәамаҭааратә школ, Аминистртә школ. Асовет аамҭазы иара Аиндустриалтә техникум ҳәа еиҭаркит. Иахьа – Аҳәынҭқарратә коллеџь ҳәа ахьӡ амоуп. Асовет аамҭазы атехникум аҿы иӡрыжәуан атехникатә кадырқәа, анаҩс Аԥсны аиԥш анҭыҵгьы аус зуаз. Дырмит Гәлиа иҩны-музеи – 50 шықәса Цәыббра 22, 1974 шықәсазы иаадыртит аԥсуа ҩыра ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа Иҩны-амузеи. Амузеи аартра иалахәын ареспублика анапхгара, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, акультура, аҟазара, алитература русзуҩцәа, асасцәа. Аҩны-амузеи анҵамҭашәҟәы аатуеит Константин Симонов иажәақәа рыла: "Ара дынхон, аус иуан аҟыбаҩ ссир змаз, агәаӷь зызҭаз ауаҩы џьашьахәы. Иахьагьы абра дтәаны иҩызцәа даҳзыԥшушәа збоит. Ирацәахашт ԥхьаҟагьы иҭаауа – еиуеиԥшым абиԥарақәа, амилаҭқәа". Валери Гамгьиа – 80 шықәса Цәыббра 29, 1944 шықәсазы диит асахьаҭыхыҩ, аҳәынҭқарратә символика автор Валери Гамгьиа. Валери Гамгьиа - асахьаҭыхыҩ, аграфик, амонументалист, аиллиустратор, Аԥснытәи АССРи ҚССРи зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ, Аԥсни СССРи рсахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" алахәыла, Аԥсны абираҟи агерби равтор. Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа, аграфика афакультет доушьҭымҭоуп, идипломтә усумҭа– "Аԥсны иахьа" (аполиптих). Ахәыҷтәы журнал "Амцабз" асахьаҭыхратә редактор. Валери Гамгьиа иԥсҭазаара далҵит 1992 шықәсазы. Минадора Зыхәԥҳа – 115 шықәса Цәыббра 30, 1909 шықәсазы диит Аԥсны жәлар рартистка, еицырдыруаз, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театрр атрагедиатә актриса Минадора Зыхәԥҳа. Фышықәса анылхыҵуаз аеҭымра лыхьӡеит, иуадаҩыз лхәыҷра шықәсқәа Қарҭтәи ахәыҷқәа рыҩнахьы днанагоит. Атеатр аҿы раԥхьатәи ашықәсқәа лара лзы идырра рҳаган, актиортә ҟазара иаҵараамҭан. Иахьагьы изгәалашәо рацәаҩуп М. Зыхәԥҳа баҩхатәра дула иналыгӡоз арольқәа. Убарҭ иреиуоуп: Г. Гәлиа – "Афырхаҵа икаҵәара" (Гәында), М. Шавлохов – "Аԥҳәысҳәаҩ" (Минаҭ), А. Цагарели – "Ҳанума" (Ҳанума), А. Лашәриа – "Абзиабара иаша" (Камаҷыҷ), Г. Мдивани – "Ауаа қьиақәа" (Кама), Еврипид – "Медеиа" (Медеиа), Г. Абашиӡе – "Адунеи аԥштәқәа" (Цира), М. Горки – "Аҵыхәтәантәиқәа" (Софиа), О. Иоселиани – "Ауардын хышәҭаанӡа" (Кесариа), А. Сумбаҭишьвили-Иужин – "Аԥсахра" (Зеинаб), Џь. Аҳәба – "Аҳақ ашәара" (Гәыдихан), Г. Габуниа – "Амра агыламҭаз" (Шьоуҳар) уҳәа егьырҭгьы. Иланашьан Аџьа абираҟ ҟаԥшь аорден, амедалқәа: "Аџьа аветеран", "1941-1945шш. рзы аџьатә фронт алахәыла", "Қәҿиарала аџьаусуразы" (1941-1945гг.). Аԥсуа театр аҿаԥхьа иқәыргылоуп лбиуст. Хәыхәыт Бӷажәба – 110 шықәса Хәажәкыра 15, 1914 шықәсазы диит аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Хәыхәыт Бӷажәба. Хәыхәыт Бӷажәба – абызшәаҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны ашәҟәыҩцәа реидгыла ахантәаҩы, Аԥсни Қырҭтәылеи зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадыррақәа русзуҩ. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далахәын. Аԥсуа литературатә критика дашьаҭаркҩын, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабыс дыҟан. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа далауреатын. Нелли Ҭарԥҳа – 90 шықәса Абҵара 20, 1934 шықәсазы диит Аԥсны жәлар рпоет, апрозаик, адраматург, апублицист Нелли Ҭарԥҳа. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит. Аус луан ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аредакциаҿы. Лымч-лылша азкын аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәеи арҵагатә литературеи аредакциа рзуреи рҭыжьреи. Раԥхьатәи лажәеинраалақәа кьыԥхьын 1952 шықәсазы. Заанаҵтәи ллирикаҿы аԥыжәара аман абзиабара атема. Анаҩс аԥсадгьыл абзиабара, ажәлар рлахьынҵа, аибашьреи аҭынчреи, амҳаџьыраа рытрагедиа, аԥсабара уҳәа еиуеиԥшым атемақәа лхы иалырхәо далагеит. Иналукааша лыпрозатә рҿиамҭақәа иреиуоуп апиесақәа "Маҵиса" (1967), "Аԥсымра" (1967), "Ашәы зшәу аҭыԥҳа" (1971). Нелли Ҭарԥҳа лыԥсҭазаара далҵит 2014 шықәсазы. Арҿиаҩы ихы-иԥсы злаҟоу ала дыҩуеит: Нелли Ҭарҧҳа лгәаларшәаразы 20 Абҵара 2018, 18:32 Софа Агәмааԥҳа – 85 шықәса Ԥхынҷкәын 20, 1939 шықәсазы диит Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа. Далгеит Шота Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатртә институт. 1960 шықәсазы дрыдыркылеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахь. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Амиран Ҭаниеи лареи аԥсуа еибашьцәа рпозициақәа рахь аконцерттә программа рыманы инеиуан. 2014 шықәса нанҳәамзазы Аԥснытәи аҿар ртеатр асахьаркыратә напхгаҩыс дҟаҵан. Атеатр аҿы лусураан Софа Агәмааԥҳа иаԥылҵеит 70 рҟынӡа ахаҿсахьа ссирқәа: Тизбе ("Анџьело" В. Гиуго, 1960), Лола ("Ҳаамҭазтәи атрагедиа" Р. Ебралиӡе, 1961), Наталиа ("Ажәанҵара" А. Чехов, 1962), агувернантка ("Аҳәынҭқар ҟьантаз" Е. Шварц, 1962), Асида ("Ашәа аԥҵара мариам" Н. Ҭарԥҳа, 1963), Емилиа ("Отелло" У. Шекспира, 1964) назлоу. Константин Ковач –125 шықәса Ԥхынҷкәын 24, 1899 шықәсазы диит акомпозитор, аетнограф Константин Ковач. Константин Ковач – Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, амузыкатә фольклористика ашьаҭаркҩы, раԥхьатәи анотатә ҭыжьымҭақәа, жәлар рашәақәа реизгақәа равтор. Акырӡа ибеиоу аԥсуа жәлар рашәақәа раԥхьаӡа акәны реизакра, рыҭҵаара далагеит акомпозитор, аетнограф К.В. Ковач. Милаҭла ивенгрыз К. Ковач аԥсуа милаҭмаҭәа ишәиҵон, аԥсуа қыҭақәа дрылсуа еизигон хәызмаӡам арҿиамҭақәа, афонограф иҭаиҩуан.
https://sputnik-abkhazia.info/20240103/iydou-arytskha-2024-shysazy-asny-iazgararany-iou-aiubileia-1049668980.html
2024-03-04T06:06:14Z
<urn:uuid:0fbfe4ce-35f6-4041-b4c6-57efdfd7d67a>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.85
0.96
162
89,229
tlsh:T1174F1193EE40CB4BC6B3D0598ED14C35ACD1AC1742227231CED5F4B52A5219DEFFCD13E9FAA8068AB4DF1222D152BE046A4EFCE514BD7ED771D240A12E6E39EA275472E28F
https://sputnik-abkhazia.info/20190921/Kykyn-Erysh-an-asrei-akhakharei-iryzku-antsakha-rykhala-1028464286.html Кәыкәын, Ерыш-Ҟан: асреи ахахареи ирызку анцәахәқәа рыхьӡала аныҳәара Кәыкәын, Ерыш-Ҟан: асреи ахахареи ирызку анцәахәқәа рыхьӡала аныҳәара Sputnik Аҧсны Ахахара, аҳара, асра, ақәҵара – абарҭ анапҟазарақәеи урҭ рынцәахәқәеи, ҳаамҭазы ирхашҭхьо дара рыхьӡала имҩаԥыргоз аныҳәареи ртәы НААР аҭҵаарадырратә усзуҩы... 21.09.2019, Sputnik Аҧсны 2019-09-21T18:38+0300 2019-09-21T18:38+0300 2019-09-21T18:44+0300 https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102764/08/1027640835_0:90:978:640_1920x0_80_0_0_21d1e01ae3e09a8346dfba82d73cf2a7.jpg Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 2019 Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Ажәабжьқәа ab_AB Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 1920 1080 true 1920 1440 true https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102764/08/1027640835_3:0:975:729_1920x0_80_0_0_8da701e6b495e9a0cf30655ab83199fa.jpg 1920 1920 true Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Sputnik Аҧсны аԥсны, жәлар рдоуҳа аԥсны, жәлар рдоуҳа Кәыкәын, Ерыш-Ҟан: асреи ахахареи ирызку анцәахәқәа рыхьӡала аныҳәара 18:38 21.09.2019 (ирҿыцуп: 18:44 21.09.2019) © Foto / Марица Кәарҷиа. Ақыҭа Лыхны. Ковач иҭыхымҭа. Руслан Гәажәба иархив аҟнытәМарица Кәарҷиа. Ақыҭа Лыхны. Ковач иҭыхымҭа. Руслан Гәажәба иархив аҟнытә © Foto / Марица Кәарҷиа. Ақыҭа Лыхны. Ковач иҭыхымҭа. Руслан Гәажәба иархив аҟнытә Анапаҵаҩра Ахахара, аҳара, асра, ақәҵара – абарҭ анапҟазарақәеи урҭ рынцәахәқәеи, ҳаамҭазы ирхашҭхьо дара рыхьӡала имҩаԥыргоз аныҳәареи ртәы НААР аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуа лматериал аҟны. Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik Анапҟазара Аԥсуаа анапҟазара ианыхәыҷу инаркны ирыларааӡон. Аҷкәынцәа, иаҳҳәап, ажьира иазыркуазҭгьы, аӡӷабцәа – аӡахреи асреи ддырҵон. Иҟазшьарбагоуп хаҵа ицаз аҭыԥҳа (аҭаца) ачара анылзыруаз аҳамҭақәа лнапала иҟалҵаз ахьазлырхиоз. Урҭ ируакуп аҭаца дахьгыло ҽыҳәҵәыла амардуан ихалаз, лара лнапала иқәҵаны иҟалҵаз ампахьшьы аҽы аӷәра иадылҳәаланы ҳамҭаҵас иахьианалшьоз. Аԥсуаа рнапҟазара ибзианы иаарԥшуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ацәыргақәҵатә залқәа руак аҿы: ацәашәҵатәы (аԥсуа маҭәа) инадыркны, еиуеиԥшым сахьала иҩычоу ампахьшьқәеи ауарҳалқәеи рҟынӡа. Иазгәаҭатәуп, арҭ аҵыхәтәантәиқәа ишырнубаало аԥсуаа рҿаԥыцтә жәабжьқәа рсиужетқәа. Акәылӡтәы ԥара́: Ҳандан Папԥҳа илырхынҳәыз анапҟазара 19 Лаҵара 2019, 09:43 Ажәытәан аба-лых аахәара зылшоз маҷыҩӡан, убри аҟнытә ацәамаҭәа, ацәырҭамаҭәа уҳәа аҳәса рхала ирсыр акәын. Егьырҭ рыхныҟәгагатә аарыхрақәа инарываргыланы иаадрыхуан абамбеи аҟанҷи. Урҭ рынцәахәқәагьы ирымҵаныҳәон раарыхра бзиахарц. Кәыкәын – ақәни абамбеи рынцәахәы Иахьагьы ҳбызшәаҿы ахархәара амоуп ажәа "аркәыкәра", аиҳарак ари ажәа ахьаҳԥыло Бзыԥтәи Аԥсны аганахь ауп ("бсыркәыкәуеит", "бсырԥыԥуеит" рҳәоит). Ари ажәа ахьынтәаауа ақәни абамбеи раарыхра аҟынтәи ауп. Урҭ аус анрыдыруалоз идыркәыкәуан, идырԥыԥуан, идрапон. Убри аан рхы иадырхәоз амыругақәа иреиуан аласкәыгә, адырдыи адырдхеи. Иазгәаҭатәуп, арҭ амаҭәарқәа ахархәара шрымамгьы ҳаамҭазы, зыҩнаҭақәа рҟны еиқәырханы измоу шыҟоу. Урҭ уԥылоит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рҟынгьы. Абамба агәабани ахызеи иҭарҵон. Абамба иалырхуаз аш акәзар, ахчқәа алахырҟьон. Уи ирышҳан акәын ишыҟарҵоз. Нас асрахьы ииасуан. Ажәытәан аш еиқәақәагьы рӡахуан рҳәоит. Аԥсуаа ажәытәан ақәны андырхуаз, уи анцәахәы Кәыкәын лыхьӡала иныҳәон. Аныҳәара мҩаԥыргон ашәахьа, ма аԥшьаша. Анцәахәы "лхәы" ҳәа иҟарҵоз акәакәарқәа ракәын. Аԥҳәыс бырг акәакәарқәа лыманы ақәни абамбеи ахьлаҵаз днеины дныҳәон аҽаҩра рацәаны ироурц азы. Ари Анцәахәы илызку аныҳәара иахьа иҟарҵаӡом, избанзар дара ақәни абамбеи уажәшьҭа иаадрыхӡом азы. Ерыш, Ерыш-Ҟани аҟанҷи Ерыш, Ерыш-Ҟан дынцәахә ԥҳәысуп. Уи еиҳараӡак асра анцәахәык лаҳасабалоуп дшырдыруа. Зны-зынла Ерыш ахахара данцәахәны лыӡбахә рҳәоит. Анапҟазара злоу аҳәса еиҳабацәа ракәымзар, уи лыӡбахәи лыхьӡала имҩаԥыргоз аныҳәареи ртәы здыруа даара имаҷуп. Ари аныҳәарагьы ажәлар рыбзазараҿы хархәара змам, ирхашҭхьо иреиуоуп. Ажәлар рдоуҳатә психологиеи, абызшәеи, амилаҭтә хдырреи 27 Жьҭаара 2015, 21:38 Ажәа "ерыш" арышҳара аҟынтәи иаауеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп, ирсуаз аба арышҳара иахаршалоуп. Арышҳара иаҿыз аԥҳәыс ианлықәшәалак, аԥсшәаҳәаратә формулак аҳасабала абас еиԥш ларҳәон: "Ерыш, Ерыш-ҟан инагӡаны иацәнырха!" Шьалуа Инал-иԥа аԥсуаа ирызку иҭоурых-етнографиатә очеркқәа рҟны ишиҩуаз ала, Ерыш, Ерыш-Ҟан лыхьӡала иныҳәон асра ианалагоз аламҭалазы. Уи илыҳәон аба бжьылымхырц, арахәыцқәа еилалымхәарц, асраан рус дазылԥхарц. Ари Анцәахәы лзынгьы иҟарҵоз акәакәарқәа ракәын. Иара убас, ирсуаз аба ахәҭак "абри бара быхәҭоуп" ҳәа хазы ишьҭарҵон. Убасҵәҟьа иныҳәон аҟанҷ ахьырааӡоз аҭыԥ аҿгьы акәакәарқәа наганы. Николаи Џьанашьиа иетнографиатә нҵамҭақәа рҟны ишаирбо ала, аныҳәараан абарҭ ажәақәа рҳәон: "Аҟанҷқәа рынцәахә ду! Ҳабацәа ишаҳдырбаз ала, иуқәнагоу аӡатә узааганы ҳуҳәоит апаркь рацәаны иҳауҭарц!" ҳәа. Апаркь уи аҟанҷ игәылырхуаз акәын, нас уи рхы иадырхәон ахахараан. Ахахара, аҳара ашьҭахь акәын асрахьы ианиасуаз. Иҟан иаҳа иаӡаны ирхахоз, иҟан иаҳа ирыжәпаны иҟарҵоз. Иара убас еиуеиԥшым ашәыгақәа рылагьы иршәуан, идырԥшӡон. Аҳәса ирыдҳәалоу арҭ анапҟазарақәа ишымариам усу убоит. Насгьы ажәытәан уажәеиԥш аӡахыга машьынақәа абаҟахыз, аџьабаа ирбоз иаҳа ихьанҭан. Аха егьа ус шакәызгьы уи ззымдыруаз шамаха дубомызт.
https://sputnik-abkhazia.info/20190921/Kykyn-Erysh-an-asrei-akhakharei-iryzku-antsakha-rykhala-1028464286.html
2024-03-05T01:41:11Z
<urn:uuid:9b445d53-2f38-4c1b-b838-335c39d10c92>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.89
0.6
0.9
43
9,261
tlsh:T16389BB12BC409B8FC9F3C02EDA9249366CD12903432272608EC5F4B92B01168FFFCE13EEEAEC065D68DB1555D192AF209A4EECEA257D6AD3708200A0592F35DE17E476C1DF
Иманшәалоу аимадара Кешбек Асрақәа<br>рнапхгараҭара Ноль аныҟоу<br>алшарақәа Ароуминг Аинтернет<br>маҵзурақәа Ихарҭәаау<br>апакетқәа Агәырҿыхарақәа Агәыҳалалра Абонентцәа<br>рымаҵ аура Архиагақәа Аҧхьаӡаратә<br>усурақәа<br>рымҩаҧгара USSD Ахарҭәаара E-sim Аномерқәа рыдәқьан Амаҵзура ахьаҿаркуа Амаҵзура ҭыԥқәа Аҿакразы адокументқәа Оборудование Акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа Акорпоративтә маҵзурақәа Colocation Аопциа «Супер роуминг» Услуга «Продажа IP-трафика» Амаҵзура «Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа 150 минуҭ апакет» Амаҵзура «Апакет 20 минуҭ Урыстәылаҟа» USSD-амениу Супер АОН Аофистә номер Ибзоу ноль Амобилтә Интернет «Aquanet» аинтернет-пакетқәа SMS-пакетқәа Аномер аилыркааҿагыла АҞӘАФОН абонентцәа рзы ароуминг Шәара ишәзасуан Амаҵзуреи ацхыраареи А-SIM-карта аԥсахра Абоненттә номер аԥсахра Ахәхшәааратә план аԥсахра Аиқәшаҳаҭра даҽаӡәы ихьӡала аҟаҵара Аԥхьаӡара есымза детальла аарԥшра Есымзатәи аԥхьаӡара Аномер хатәгәаԥхарала аанкылара Абоненттә еиқәшаҳаҭра адокументқәа Оборудование Асаит ахсаала Хаҭалатәи аклиентцәа рзы Акорпоративтә хархәаҩцәа рзы Оборудование +7 940 999 99 99 Асаит ахсаала Русский Ахәхшәааратә планқәа Асмартфон азы Ателефон азы Аинтернет азы Асасцәа рзы Архивтә хәыхшәааратә планқәа Амаҵзурақәа Иманшәалоу аимадара Кешбек Асрақәа рнапхгараҭара Ноль аныҟоу алшарақәа Ароуминг Аинтернет маҵзурақәа Ихарҭәаау апакетқәа Агәырҿыхарақәа Агәыҳалалра Абонентцәа рымаҵ аура Архиагақәа Аҧхьаӡаратә усурақәа рымҩаҧгара USSD Ахарҭәаара E-sim Аномерқәа рыдәқьан Амаҵзура ахьаҿаркуа Амаҵзура ҭыԥқәа Аҿакразы адокументқәа Акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа Акорпоративтә маҵзурақәа Colocation Аопциа «Супер роуминг» Услуга «Продажа IP-трафика» Амаҵзура «Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа 150 минуҭ апакет» Амаҵзура «Апакет 20 минуҭ Урыстәылаҟа» USSD-амениу Супер АОН Аофистә номер Ибзоу ноль Амобилтә Интернет «Aquanet» аинтернет-пакетқәа SMS-пакетқәа Аномер аилыркааҿагыла АҞӘАФОН абонентцәа рзы ароуминг Шәара ишәзасуан Амаҵзуреи ацхыраареи А-SIM-карта аԥсахра Абоненттә номер аԥсахра Ахәхшәааратә план аԥсахра Аиқәшаҳаҭра даҽаӡәы ихьӡала аҟаҵара Аԥхьаӡара есымза детальла аарԥшра Есымзатәи аԥхьаӡара Аномер хатәгәаԥхарала аанкылара Абоненттә еиқәшаҳаҭра адокументқәа Ихадоу адаҟьа Аилахәыра иазкны Ажәабжьқәа 2018 Новости 2023 2022 2021 2017 2016 2015 2014 2013 2012 2011 2010 2009 2008 2007 2006 2005 2004 Официальные правила участия в Акции «Выиграй iPhone Xs» 27-12-2018 г. Акция "Новогодний Супер роуминг" Акция «Новогодний Супер Роуминг» предоставляет абоненту возможность при использовании опции «Супер Роуминг» - использовать входящие вызовы по стоимости 0,00 руб. 25-12-2018 г. АҞӘАФОН ИМҨАҦНАГОИТ АВИДЕОКОНКУРС «АҞӘАФОН 15 ШЫҚӘСА АХЫҴИТ» Ҳара сынтәа 15 шықәса ҳхыҵуеит. Амшира – ҽыҵга хазыноуп ҳара ҳабонентцәеи ҳнапаҵаҩцәеи рзы аконкурс амҩаҧгаразы! Аконкурс аҧхьахә - MacBook AIR 2017. 28-06-2018 г. Аиахт-клуб «АМРА» азы АҞӘАФОН иаанахәеит аҧра. АҞӘАФОН аусзуҩцәа ибзианы еилыркаауеит ахәыҷқәа аспорт ашҟа ирымоу агәазыҳәара рымарҽхәара заҟа аҵанакуа! Убри азы ҳара ацхыраара рзыҟаҳҵоит еиуеиҧшым аспорттә хырхарҭақәеи аусмҩаҧгатәқәеи. 08-06-2018 г. Афотоконкурс#АҞӘАФОНагәалаҟазаарааҧшшәыиаҵәа аҧхьахә iPhone X лыҭоуп аиааира згаз. Абар иааит афотоконкурс #АҞӘАФОНагәалаҟазаараҧшшәыиаҵәа амҩаҧгараҿы зегь реиҳа иззыҧшыз ашәымҭа – уи аҧхьахә - iPhone X – анашьара. Аконкурс аҿы аиааира лгеит Саломеиа Агрҧҳа. Уи лфото еизнагеит INSTAGRAM аҿы aquafon4g адаҟьа аҟны 2813 аҵаҩцәа рлаикқәа! 05-06-2018 г. АУЕ“Кьараз” зхылаҧшуа ахәыҷқәа рзы “Ахәыҷқәа рыхьчара амш” аныҳәа азгәаҭара. Ихадоу ахатә усура аамышьҭахь, АҞӘАФОН азы акрызҵазкуаны иҟоу иреиуоуп асоциалтә хырхырҭа Ҳара ҳхеилак абар уажәшьҭа акыр шықәса ҵуеит АҞӘАФОН АУЕ “КЬАРАЗ” официалтә партниорс иҟоуижьҭеи. 01-06-2018 г. Афотоконкурс “АҞӘАФОНагәалаҟазаараҧшшәыиаҵәа” хыркәшоуп. Лаҵара 31 рзы зегьы ираҳаит аиааира згаз аҧҳәызба лыхьӡ. Аконкурс аҧхьахә хада iPhone X лгеит Саломеиа Агрҧҳа. (mimichellle_) 31-05-2018 г. Амузыкатә проект “Асаркьал” афиналтә ҭыхрақәа Афон Ҿыц рымҩаҧгара. Анаҟәаҧиа имҩаҧысит ииашаҵәҟьаз атеатртә қәыргылара! Аҭыхрақәа ирылахәын аҧсуа культура аеҵәақәа – аколлектив “Ахьышьҭра”, ансамбль “Анаҟәаҧиа”, Кьасоу Ҳагба, Баҭал Џьапуа, Хьыбла Мықәҧҳа, Дыжын Чуреи, Софиа Кисекова. Иара убас аҭыхрақәа ирылахәын аҧсуа милаҭтә маҭәақәа змаз ҳтәылауаа. Аҭыхратә процесс рбар алшон асоциалтә аҳа INSTAGRAM ахархәаҩцәа @aquafon4g аофициалтә даҟьаҿы. 21-05-2018 г. АҞӘАФОН еиҿнакаауеит аконкурс АҞӘАФОНАГӘАЛАҞАЗААРАҦШШӘЫИАҴӘА АҞӘАФОН ихаҧшьнаго аконкурсқәа зегьы Аҧсны иқәынхо ауаа аинтерес ду рызцәырнагоит. Ҳара иҳалҳаршаз аихьӡарақәа рҿы ианакәзаалак ҳаангылом. АҞӘАФОН имҩаҧнагоит иҿыцу, иуникалтәу аконкурс #АГӘАЛАҞАЗААРАҦШШӘЫИАҴӘА. Уара алшара бзиа умоуп IPHONE X ( акосмос ҧшшәы, 64 GB) аиуразы. 15-05-2018 г. Амузыкатә проект «АСАРКЬАЛ» аҭыхрақәа. Лаҵара 21 рзы Афон Ҿыц Анаҟәаҧиа ашьхаҿы имҩаҧысуеит апроект “АСАРКЬАЛ” ателехәаҧшратә версиа аҭыхрақәа. 15-05-2018 г. Ашахмат асразы Х1 жәларбжьаратәи атурнир «АҞӘАФОН -OPEN 2018» Лаҵара 12-13, 2018 ш. азы имҩаҧысит Ашахмат асразы Х1 жәларбжьаратәи атурнир “АҞӘАФОН - OPEN 2018». Аҧсны ашахмат асразы Афедерациа еиҿнакааз ари атурнир хадаратә спонсорра азнауеит Ахеилак АҞӘАФОН. 15-05-2018 г. Лыхны игылоу Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа рмемориалтә баҟаҿы аҳәынҭқарратә бираҟ ашьақәыргылара. Хәажәкыра 16 – ҳажәлар рҭоурых аҿы зегь реиҳа илахьеиқәҵагоу рыцхәуп. Марттәи ажәылара ҟалеижьҭеи 25 шықәса аҵра аламҭалазы, Лыхны ақыҭан, Афырхацәа рымҩаду алагамҭаҿы, 1992-1993шш. рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа рыхьӡала иргылоу амемориалтә баҟаҿы АҞӘАФОН ишьақәнаргылеит аҳәынҭқарратә бираҟ. 16-03-2018 г. Агәыҳалалратә Фонд “Ашана” VII-тәи есышықәсатәи аҳасабырбатә еизара. Хәажәкыра 14 рзы имҩаҧысит Агәыҳалалратә Фонд “Ашана” У11-тәи есышықәсатәи аҳасабырбатә еизара. Уаҟа Ахеилак АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа иазгәарҭеит зегь реиҳа активла “Ҳаицхырааны еиқәҳархап аҧсҭазаара” зыхьӡыз акциа зҽалазырхәыз абонентцәа. 14-03-2018 г. Марттәи ажәылара 25 шықәса ахыҵразы АҞӘАФОН имҩаҧнаго акциа. Хәажәкыра 15-16 рзы АҞӘАФОН Абонентцәа Рмаҵзуратә Центрқәа зегьы рҿы изҭаху дарбанзаалак ирҭоит 1992-1993 шш.рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 25 шықәса ахыҵра ахьӡала иҭыжьу амзар. 12-03-2018 г. Ааҧынтәи акциа “100 МБ зҵазкуа аҳамҭатә купон”. Амаҵзуратә Центр аҿы АҞӘАФОН абонентцәа рхатәы смартфон азы иаархәарц рылшоит иарбанзаалак ирҭаху ақсессуарқәа , иара уи иабзоураны ироуеит ҳамҭас 100 МБ. 06-03-2018 г. АҞӘАФОН ишәыднагалоит! Раҧхьаӡа акәны Аҧсны амобилтә еимадара аџьармыкьаҿы – абиҧара ҿыц иатәу атариф “КОНСТРУКТОР”! АҞӘАФОН ицәырнагоит абиҧара ҿыц иатәу атарифтә план – КОНСТРУКТОР. 01-03-2018 г. Аконкурс Аҧшӡара асезонқәа_АҞӘАФОН2018 ахыркәшара Аконкурс #аҧшӡара асезонқәа_АКӘАФОН2018 хыркәшан Кристина Лазҧҳа (@tika_kazba) лаиааирала. 24-02-2018 г. Аконкурс «АҦШӠАРА АСЕЗОНҚӘА_АҞӘАФОН2018» афиналбжа. Афиналбжа аҟны инеит: Викториа Ҵәыџьҧҳа (@mistefami), Тома Агрба-Чакриан (@toma_agrba), Кристина Лазҧҳа (@tika_lazba), иара убас Хьыбла Ҵәыџьҧҳа (@tsvizhba_khibla). 23-02-2018 г. Аконкурс «АҦШӠАРА АСЕЗОНҚӘА_АҞӘАФОН2018» ҲДАҞЬА АНАПАҴАҨЦӘЕИ ҲАРЕИ ДЕИЦАЛАҲХУЕИТ апроект «АҦШӠАРА АСЕЗОНҚӘА АҞӘАФОН 2018» иахаҿхараны иҟоу аҭыҧҳа. 12-02-2018 г. Акциа “Ашықәс Ҿыцтәи асиурприз” аихшьалақәа Аҳамҭақәа рыҭара ацеремониа мҩаҧган ҩ-етапкны. Ҧхынҷкәын 29 рзы iPhone X рыҭан Аџьба Адгәыри Арутиун Арзуманиани, жьырныҳәа 9 рзы Амаҵзуратә Центр аҿы ргәы хыҭ-хыҭуа иззыҧшыз аҳамҭақәа роуит Лиана Ҷҟониаҧҳаи Лаура Чыкәбарҧҳаи.
https://aquafon.com/company/news/2018/?language=ab
2024-02-26T20:06:05Z
<urn:uuid:9cd3100f-7aee-4c19-a9a7-a90783421416>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.74
0.61
0.95
110
13,221
tlsh:T15F9396529E408A4BC5F7C058DAC18E356DD1590B47327374CDC9F53022450A9FFBCD03AAEAE851DA78EB5115D521EA109E4AEDDA387E6FE3624300913A3F78ED2BA437E69E
Иԥшқоу амчра – ари аполитикатә мчрақәа ирформоуп, иара ала агәазыҳәарақәа рылҵшәақәа наӡоит, хатәгәаԥхаралатәи алахәрала, агәадура, аднаԥхьалара уҳәа рыла, абри алагьы иџьбароу амчра «жесткая сила» еиԥшым, уи иаанаго мчыла арҟаҵара ауп. Атермин зхылҿиааз[аредакциазура | акод аредакциазура] Атермин «иԥшқоу амчра» (англ. soft power) — зегь раԥхьаӡа ахархәарахь иалазгалаз Гарвардтәи ауниверситет апрофессор Джозеф Наи иоуп, ари атермин цәырҵит 1990 шықәса рзы иҭижьыз ишәҟәы Bound to Lead: The Changing Nature of American Power аҟны. Анаҩс, иара ари аилкаара инеиҵыху ахархәара аиҭеит, 2004 шықәса рзы иҭижьиз ишәҟәы Soft Power: The Means to Success in World Politics аҟны. «Иԥшқоу амчра» аконцепциа аларгалаанӡа, ахархәара аман аконцепциа «акультура-идеологиатә гегемониа», уи аус адиулеит италиатәи афилософ Антонио Грамши, 1930—1940-тәи ашықәсқәа рзы ишәҟәы «Абахҭатә тетрадқәа» («Тюремные тетради») аҟны. «Иԥшқоу амчра» даара аларҵәара аиуит мраҭашәара европатәии америкатәии анеоконсерваторцәа рыбжьара. Аконцепциа «иԥшқоу амчра» амчра ашьақәыргыларазы ахархәара аидеиа ахы акит ажәытәӡатәи китаитәи афилософцәа рҟынтә, Лао-цзы иеиԥш иҟаз, ҳера ҟалаанӡа абыжьбатәи ашәышықәса азы. Адунеи аҟны иҟаӡам маҭәарк, аӡы аҟара иҟәымшәышәу, аха уи иалшоит зегь реиҳа икьакьоу, иӷәӷәоу амаҭәар арбгара, аԥыххаара. Аха «иԥшқоу амчра» азы зегь иреиӷьу ҿырԥштәуп аԥҳәыс лгәыкра, ахацәа еиҳа ирзааигәоу «иџьбароу амчра» иаҿырԥшны рыӡбахә уҳәозар ауп. Аурыс бызшәа аҟны ари атермин зегь реиҳа аларҵәара змоу синонимуп «априаник», «аҟамчы» («кнут») акәымкәа, аха уи ахархәара амам амчра ашьақәыргыларазы акультуратәи адемократиатәи мазарақәа рхархәара аконтекст аҟны. Иԥшқоу амчра ԥшқаны иҟазҵозеи?[аредакциазура | акод аредакциазура] Иԥшқоу амчра шьаҭас иамоуп акультуратәи аполитикатәи мазарақәа, аинститутқәа, «шәара ишәҭаху аҩыза зҭаху», даҽа џьоукы радԥхьалара зылшо. Иԥшқоу амчра аҿырԥштәқәа: Аполитикатә мазарақәеи аинститутқәеи: адемократиатә алхрақәа, апартиарацәара; ауаҩы изинқәа; ахақәиҭра; агәыҳалалра (ҿырԥштәыс иаагозар, Маршалл иплан Иапониа аиҭашьақәыргыларазы Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь). Акультуратә мазарақәа: Амузыка (аҿырԥ., аджаз, рок-н-ролл); афильмқәа (аҿырш., голливудтәи збиуџьет ҳараку афильмқәа); англиатәи абызшәа, алитература. Ахархәаратә ԥыжәарақәа: Coca-Cola, Snickers; аџьынсқәа, амода иақәшәо амаҭәақәа; аинновациатә техникеи атехнологиақәеи (Microsoft, Apple). «Иԥшқоу амчра» адунеи аҳәынҭқарра дуқәа рҟны ахархәара Китаи[аредакциазура | акод аредакциазура] Китаи иаарласны аҿиара инамаданы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡаны, насгьы адунеитә арена аҟны анырреи ирыбзоураны, ари атәыла анапхгаҩцәа рҿаԥхьа иқәдыргыло иалагеит азҵаара «иԥшқоу амчра» атәылаҟны аларҵәаразы. Иазгәаҭоуп, IV Апленум ЦК КПК 16-тәи ааԥхьара (цәыббрамза 2004 шықәса) аҿаԥхьа ишықәнаргылаз китаитәи акультура атәыланҭыҵ апроекциа ҳасабтәхаданы ишықәнаргылаз: «Китаи акомплекстә мчра арӷәӷәара. Китаи акультура аларҵәара, зегьы иреиӷьу адунеи зегьы ахь ацәырҵра, иара жәларбжьаратәи анырра ашьҭыхра». ЦК КПК 17-тәи аизара ду ажәахә аҟны иазгәаҭан атермин «иԥшқоу амчра». 2002 шықәса рзы Китаи алагеит рбызшәеи ркультуреи аларҵәаразы аҳәаанырцә ацентрқәа раԥҵара, 2004 шықәса рзы урҭ ацентрқәа Конфуци Иинститутқәа (Институты Конфуция) ҳәа ахьӡ роуит. Хазы игоу усмҩаԥгатәқәахеит, Китаи аполитика аҟны «иԥшқоу амчра» аарԥшра аусхк аҟны, 2008 шықәса рзы Пекин Аолимпиатә хәмаррақәа рымҩаԥгара. Урыстәыла[аредакциазура | акод аредакциазура] Урыстәылатәи Афедерациа апрезидент иусԥҟа ала, 2007 шықәса, рашәарамза 21 рзы иаԥҵан «Аурыс дунеи» («Русский мир») зыхьӡырҵаз афонд. Иҟоуп убас еиԥш агәаанагара, Урыстәыла аԥыжәара амоуп «иԥшқоу амчра» аганахь ала. Урыстәыла иахәаразы уи аларҵәара, ахархәаразы. Ганкахьала, «иԥшқоу амчра» рыдыркылоит «иаԥсам» хархәагак акәны ахатәы интересқәа раларҵәаразы. Даҽа ганкахьала, аганқәа еидызкыло анормативтә идеал рыԥшаара аҭахымкәа иҟалоит «иԥшқоу» апотенциал азы агәыцә аԥызҵар зылшо. Атермин «иԥшқоу амчра» Урыстәыла адәныҟатәи аполитика ахырхарҭак апотенциал аҳасаб ала, Урыстәыла аофициалтә гәыԥқәа рҟны ахархәара аиуа иалагеит 2012 шықәса аҽанааиҩнашоз инаркны. Урыстәыла аимиџь аҳәаанырцә ашьҭыхра анапы ианҵоуп Россотрудничество. Урыстәыла «иԥшқоу амчра» аконцепциа[аредакциазура | акод аредакциазура] Иахьатәи аамҭазы «иԥшқоу амчра» лассы-лассы ахархәара амоуп аҳәынҭқаррақәа рыдәныҟа-политикатә стратегиақәа рҟны аҭагылазаашьа маншәалақәа раԥҵаразы. Ас еиԥш ахархәара аҩныҵҟатәи аҿиара аҟны, насгьы егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны анырра аларҵәаразы хархәага маншәалоуп. Урыстәыла акәзар, ари аконцепциа аҟазаара аҭыԥ амоуп, америкатәи аклассикатә знеишьақәа акыр иреиԥшымзаргьы. Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аполитика, Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент 30.11.16 шықәса рзы ишьақәирӷәӷәаз аҟны, «иԥшқоу амчра» аарԥшуп адәныҟатәи аполитикатә ҳасабтәқәа рыӡбага мыруганы. Иазгәаҭоуп, иара аграждантә еилазаара, аинформациа-коммуникациатә, агәыҳалалратә уҳәа аметодқәа, атехнологиақәа, итрадициатәу адипломатиатә методқәа хазырҭәаауа алшарақәа шьаҭас ишамоу. Иҟоуп еиуеиԥшым «иԥшқоу амчра» аинститутқәа, насгьы иаарту Урыстәылатәи адипломатиа, уахь иаҵанакуеит: Аҳәынҭқарратә мчрақәа рорганқәа, зегь раԥхьаӡа иргыланы Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи уи аилазаареи; Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа, аграждантә еилазаара аинститутқәа; Иглобалтәу Амассатә информациатә хархәагақәа; Ҳаамҭазтәи аҵарадырраҟны апроектқәа. Ҭырқәтәыла ҳаамҭазтәи «иԥшқоу амчра» аинструментқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Ҳаамҭазтәи Ҭырқәтәыла, егьырҭ адунеитә ҳәынҭқарра дуқәа реиԥш, иацәтәымымхеит ари атермин. Дж. Наи, америкатәи аҵарауаҩ, иалаирҵәаз аидеиа «иԥшқоу амчра» ахархәара аиуит ҳаамҭазтәи Ҭырқәтәылатәи Ареспублика адәныҟа-политикатә стратегиа аҟны. Ҭырқәтәыла аганахьала «иԥшқоу амчра» ахархәара аиуит евразиатәи арегион аҭоурых, агеографиатә ҭагылазаашьа рхы иархәаны Европеи Азиеи реихысырҭақәа рымҩа аҟны, иара убасгьы арҭ аҵакырадгьылқәа рҟны инхо ажәларқәа еидызкыло амилаҭтә, адинхаҵаратә, абызшәатә еилазаарақәа уҳәа афакторқәа ирхьырԥшны. Агәыларатә тәылақәеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аҭыԥ змаз аҭоурыхтә имшьҭреи акультуратә еимадарақәеи роуп иҳараку аинырра аԥызҵаз. Ҭырқәтәыла иԥшқоу амчра аларҵәара, ахархәаразы еиуеиԥшым аиҿкаарақәа аԥнаҵеит, аҳәынҭқарратәқәа реиԥш, ахатәы-ҳәынҭқарратәқәеи, ахатәқәеи (частные). «Иԥшқоу амчра» аларҵәаразы, насгьы координациа азуразы ароль ду нарыгӡоит ахылаԥшырҭақәа аинститутқәа, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Атуризми акультуреи рминистрра, Ауаажәларратә дипломатиа аминистрра, Иунус Емре ифонд,Ҭырқәтәыла Амзабжа Ҟаԥшьы уҳәа реиԥш иҟоу. Даара аҵак ду арҭоит Жәларбжьаратәи аусеицуреи аҿиареи рзы Ҭырқәтәылатәи амаҵзура (TİKA), ари аҩыза аиҿкаара иахәаԥшуеит адәныҟатәи аполитика амҩаԥгара азы мыругак аҳасаб ала, Ааигәа мрагыларатәи арегион, Кавказ, Агәҭатәи Азиа, Балканы, Африка уҳәа рҟны. Ари аиҿкаара аҵарадырра, агәабзиарахьчара, ааглыхра уҳәа реиԥш иҟоу ахырхарҭақәа рҟны аус ауеит. Иара убасгьы, атиурк бызшәақәа ртәылақәа 17-тәи Рпарламенттә ассамблеиа аҟны, уи аԥҵан 2008 шықәса рзы, иқәгылеит атәылақәа: Агәҭатәи Азиа, Ҟазахсҭан, Киргизиа, иара убасгьы, Азербаиџьан рҟны «иԥшқоу амчра» аларҵәаразы институтк аҳасаб ала. Иԥшқоу анырра амыругақәа рахь иуԥхьаӡар ауеит абас еиԥш ахырхарҭақәа, акультуреи абызшәеи раларҵәара ахырхарҭа аҟны аусеицура. Ас еиԥш апрограммақәа ирылахәу аҳәаанырцәтәи атәылауаа мацара ракәым, урҭ рхы аладырхәуеит Ҭырқәтәыла атәылауаа, аҳәаанырцә инхо. Атәыла иаиуа аимиџь аҳәаанырцә аԥҵаразы, насгьы Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҿиара астратегиа аларҵәаразы ари аиҿкаара еиуеиԥшым акультуратә усмҩаԥгатәқәа ирылахәуп. Аҭырқәа имшьҭра, мамзаргьы атәылақәа-апартниорцәа ркультуратә имшьҭра аиқәырхара аус аҟны, ари атәыла аҟны зегь реиҳа ҵакы змоу, акрызҵазкуа мыруганы иахәаԥшуеит «иԥшқоу амчра». Аха, абра иазгәаҭатәуп, акультура ахырхарҭаҟны аусмҩаԥгатәқәа даара рҵакы шдуу. Ари ахырхарҭаҟны еиҿкаау аусқәа ззырхоу, Ҭырқәтәыла аганахь ала аҭыԥ змоу астереотипқәеи агәаанагарақәеи риааиреи, Ҭырқәтәыла акультура ашҟа аинтерес ашьҭыхреи роуп. Аҵарадырра, анаука, аинновациақәа рхырхарҭақәа рҟны аусеицура ари Ҭырқәтәыла азы аҩбатәи акрызҵазкуа инструментуп «иԥшқоу амчра» ахархәара аҟны. Иахьатәи аамҭазы ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарра анапхгара дара ртәыла иахәаԥшуеит аҳәаанырцәтәи астудентцәа адзыԥхьало центрны, ара иаԥҵахо, зхаҭабзиара ҳараку аконкурентра зылшо аинновациа ҿыцқәа ахьалагалоуи аҵарадырра ҳараки аҭыԥ ахьрымоу азы. Абас еиԥш иҟоу афакт азхьаԥшра ахәҭаны иԥхьаӡоуп - Ҭырқәтәыла аҳәаанырцәтәи астудентцәа мацара аднаԥхьалом, ртәылаҟны аҵара рҵаларазы, ари атәыла аҳәаанырцә иаанартуеит афилиалқәеи арҵаратә программақәеи. «Иԥшқоу амчра» ахархәаразы даара акрызҵазкуа ароль нарыгӡоит атәылақәа-аобиектқәа рҟны аусутә еимадарақәа рышьақәыргылара. Ари аҭырқәа усдкылаҩцәа Ҭырқәтәыла аҳәаа зыцеиҩнашо реиԥш, егьырҭ аҳәынҭқарратә регионқәа рҟынгьы шаҟа активла русқәа еиҿыркаар рылшо азы алшарақәа роуразы аҭагылазаашьақәа аԥнаҵоит. 2012 шықәса анҵәамҭазы, Ҭырқәтәыла даара қәҿиарала, шә-тәылак рҟны 7000 проект аларҵәара алшеит. Арҭ апроектқәа ирыбзоураны, иааизакны аргыларатәи атехникатәи сектор иаиуз ахашәала наӡоит 242 миллиард Америкатәи адоллар. 33 аҭырқәа фирмақәа, жәларбжьаратәи анардадкылаҩцәа 225 ртоп иалаҵан, урҭ иааныркылеит аҩбатәи аҭыԥ, китаитәи аилазаара ашьҭахь. Иахьатәи аамҭазы даара уаҩы ибарҭоуп Ҭырқәтәыла ишаланарҵәо астратегиатә бренд, насгьы атәылақәа-аобиектқәа рҟны абизнес шарҿио, абизнес аҿиаразы аҭагылазаашьа бзиақәа ахьаԥҵоу тәыланы ахы аӡыргара ала. Аҵыхәтәантәи аамҭазы, Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аполитика амҩаԥгара аус аҟны даара акрызҵазкуа мыруганы иамоуп «иԥшқоу амчра», уаажәларратә дипломатиак аҳасаб ала, уи ззырхоу Ҭырқәтәыла адунеитә еилазаара аҿаԥхьа аҵакы ашьҭыхра ауп. 2010 шықәса рзы иаԥҵан, аԥыза-аминистр иегида аҵаҟа Ҭырқәтәыла ауаажәларратә дипломатиа аминистрра, уи ҷыдарахеит Ҭырқәтәыла «иԥшқоу амчра» институтк аҳасаб ала аларҵәаразы. Ауаажәларратә дипломатиа аусура аларҵәареи акоординациа рзуреи абасеиԥш аинститутқәа рнапы алакуп: TİKA, Ҭырқәтәылатәи Амзаҿа Ҟаԥшьы, Атуризми акультуреи рминистрра, Ҭырқәтәыла амилаҭтә телехәаԥшра уҳәа егьырҭ аилазаарақәа. Ара иубарҭоуп атәыла азы агәаанагара шышьақәгыло уи аиҳабыреи, еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, аиҿкаарақәеи аҳәаанырцә имҩаԥырго аусқәа рыла. Ари афакт инамаданы иумбарц залшом жәларбжьаратәи аҿиара ахырхарҭаҟны, аполитика ахырхарҭа иузаҟәымҭхо ишықәгылоу Ҭырқәтәыла «иԥшқоу амчра». Атәылаҿы аҿиара бзиа змоу аекономикеи аҭышәынтәалареи ирыбзоураны Ҭырқәтәылатәи Ареспублика жәларбжьаратәи аҿиара аҟны даара акрызҵазкуа лахәылахеит. «Иԥшқоу амчра» аларҵәара апотенциал ари аҳәаанырцәаа рыблақәа рахь атәыла цқьа иааиуа иҟазҵо акрызҵазкуа хархәагоуп. Иаҳҳәозар, авизадатә режим ари ахықәкы азнеира иазырхоу мыругоуп. Абри ала алкаақәа рыҟаҵара алыршахоит, ҭырқәтәылатәи адипломатцәеи аспециалистцәеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рхырхарҭаҟны аамҭа кьаҿк иалагӡаны «иԥшқоу амчра» аралҵәаразы амыругақәа алҵшәаашьҭра шрылшо аадырԥшит ҳәа, уи ала Ҭырқәтәыла апозитивтәи адԥхьаларатәи имиџь шьҭыхын. Аха абра инаҵшьны иазгәаҭатәуп, адәныҟатәи аполитика аҿиаразы амыруга ҿыцқәа зыӡбахә ҳәоу «иԥшқоу амчра» анырԥшра ишазырхамыз. Урҭ зегьы аԥҵан, насгьы ахархәара аҭан атәыла ахәаахәҭратәи акоммерциатәи интересқәа рзы мацара. Акритика[аредакциазура | акод аредакциазура] Иԥшқоу амчра аконцепциа даара акритика азун, ихырҳагам акакәны, Colossus аԥхьажәа аҟны Нил Фергиусон иеиԥш иҟоу авторцәа рыла. Уи игәаанагара ала, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсубиектқәа ҩ-стимул заҵәык анырра рырҭозар ауп – аекономикатәии арратәии асанкциақәа. Лассы-лассы иҟалоит иԥшқоу амчреи егьырҭ афакторқәеи рыхҟьа-ԥҟьақәа реиҩдыраара аныуадаҩу. Ҿырԥштәыс иаагозар, Дженис Маттерн (Janice Bially Mattern) ишьақәирӷәӷәоит, Џьорџь Буш иҳәамҭа ахархәара «шәара шәҳадгылоит, мамзаргьы шәаҳҿагылоит» («вы с нами или против нас») ишаанагоз иԥшқоу амчра ахархәара, избанзар уи иаҵанакуамызт шәарҭара бааԥсык. Аха аӡәырҩы уи авторцәа иаартым ашәарҭара адырбалоит, избанзар ишиашоу аекономикатәи арратәи асанкциақәа аҳәамҭа «ҳара шәаҳҿагылоит» («против нас») аҟны ианыԥшуеит ҳәа агәаанагара рымоуп. Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] Soft Power: The Means to Success in World Politics pp31 Tao De Jing: Moral Intelligence, Chapter 78 Ваплер В. Я., Гронская Н. Э., Гусев А. С., Коршунов Д. С., Макарычев А. С., Солнцев А. В.Идея империи и «мягкая сила»: мировой опыт и российские перспективы, Научный вестник Уральской академии государственной службы: политология, экономика, социология, право, 2010, вып.1 Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] [1] [2] [3] [4] [5] [6] [7] [8] Иархивитәиз 2022-04-12 ахь Wayback Machine [9] Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Ипшқоу_амчра&oldid=133477 Акатегориақәа: Адипломатиа Адәныҟатәи аизыҟазаашьақәа Ицәыргам акатегориа: Webarchive ашаблон wayback азхьарԥшқәа Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 00:16, 25 жьҭаарамза 2023. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D0%BF%D1%88%D2%9B%D0%BE%D1%83_%D0%B0%D0%BC%D1%87%D1%80%D0%B0
2024-02-29T04:59:46Z
<urn:uuid:dd228d28-db4e-42eb-bce1-9e4db575e6bf>
[ "footer", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.91
0.85
0.96
55
23,668
tlsh:T1DADC76B28C40DB4BD673D0988A52CD3529D068078322B2718EC9F4B42605099EBFCD13AAFAEC0A4A749F1521D212FF14AA0AFCE9257E7EDB71D300E56D2E34D9379473D6DE
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара аколлектив ишәыдырныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш. 05 Хәажәкыр 2024 Версия для слабовидящих ИХАДОУ АЖӘАБЖЬҚӘА Аӡбарҭа иазкны Аӡбара ахантәаҩы Аӡбара ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩы Аӡбаҩ-амаӡаныҟәгаҩ Аӡбаҩцәа Аконституциатә ӡбара Аппарат Аӡбара азыӡба Ақәҵарақәа Алкаақәа Аконституциатә ӡбара аилыркаара Аконституциатә ӡбара Аппарат анапхгаҩы иеилыркаара АДОКУМЕНТҚӘА Адҵаалашьа АИМАДАРАҚӘА АҚӘҴАРАҚӘА АЛКААҚӘА АКОНСТИТУЦИАТӘ ӠБАРА АИЛЫРКААРА АКОНСТИТУЦИАТӘ ӠБАРА АППАРАТ АИЛЫРКААРА АЖӘАБЖЬҚӘА Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара аколлектив ишәыдырныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш. 26 Нанҳәа 2021 font size decrease font size increase font size Акьыԥхьра Email Нанҳәамза 26, 2008 шықәса Аԥсны аҭоурых аҿы иаанхоит аҭоурыхтә иашареи ҳажәлар ргәазыҳәара анагӡареи ирымшны! Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра агәаӷьра аарԥшны ирыдыркылаз аӡбамҭала Аԥсныжәлар шьакаҭәаралеи гәымшәаралеи иааргаз ахьыԥшымра иаиуит жәларбжьаратәи аофициалтә зхаҵара. Урыстәыла иҟанаҵаз азхаҵара дара рзы иҿырԥшыгахеит егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы. Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара анаиу ашьҭахь аҿиараз иазаатит алшара ҿыцқәа. Урыстәылатәи Aфедерациа Аԥсны ианаҭо иалагеит ацхыраара асоциалтәи, аекономикатәи ҿиареи, аинфраструктуратә ргылареи русхкқәа рыҟны, иара убас ашәарҭадара аиқәыршәараҿгьы. Аԥсны жәлар, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш шәыдаҳныҳәалоит! Аҳәынҭқарра аҿиараҿы еиԥҟьара аимоуааит аҭышәынтәалара, шьаҿа-шьаҿала аҩаӡара ҳаракқәа рахь икылызго! Иш́әзеиӷьаҳшьоит, имариам ҳазҭагылоу аамҭазы зегь ирыцку агәабзиара, агәамч! Ҭаацәара цыԥхьаӡа иагымхааит аҳәоуеиқәшәара, аизыразра, аилибакаара!
https://ks.apsny.land/ap/item/170-a-sny-a-yn-arra-akonstitutsiat-bara-akollektiv-ish-ydyrny-aloit-a-sny-a-yn-arra-akhy-shymra-zh-larbzharat-i-azkha-ara-amsh
2024-03-04T22:53:31Z
<urn:uuid:a1e04d29-b53d-4086-8a30-4e99a5e1c0d9>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.87
0.79
0.97
24
3,129
tlsh:T18D21F7518B80DB4BC6B7C0158F924E35A9C118068521B760CEDCF065174609DFBFCE02DAE7E8594B3CEB1525C032AB16991EEDE4243E6EDB715200E23E1F38D93B9876C5DD
Аџьар зныз абираҟ шкәакәа: аветеранцәа Марина Бжьаниеи Лариса Ҳаџьымбеи рҭоурых - 18.03.2023, Sputnik Аҧсны Аҧсны аԤс Sputnik АбхазиярусSputnik АҧсныаԤс Аԥсны Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны https://sputnik-abkhazia.info/20230318/aar-znyz-abira-shkaka-aveterantsa-marina-bzhaniei-larisa-aymbei-rourykh-1044647686.html Аџьар зныз абираҟ шкәакәа: аветеранцәа Марина Бжьаниеи Лариса Ҳаџьымбеи рҭоурых Аџьар зныз абираҟ шкәакәа: аветеранцәа Марина Бжьаниеи Лариса Ҳаџьымбеи рҭоурых Sputnik Аҧсны Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, маркәылаа рҭацацәа Марина Бжьаниеи Лариса Ҳаџьымбеи рҭоурых ҳзеиҭалҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора... 18.03.2023, Sputnik Аҧсны 2023-03-18T13:20+0300 2023-03-18T13:20+0300 2023-06-05T23:17+0300 аԥсны аналитикеи аиҿцәажәарақәеи аԥсны аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/11/1044681259_0:163:720:568_1920x0_80_0_0_877b9625423734b072e3770dd84512f0.jpg Аибашьра аналага, иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо ҩыџьа аиҩызцәа, маркәылаа рҭацацәа, азныказ иаарласны еилгарашәа днарбеит. Рқыҭаҿы раԥхьатәи амшқәа рзы ақырҭуа гвардиауаа ртанкқәа ирықәтәаны арҳәреи аӷьычреи ракәын изҿыз. Амародиорцәа ргәы ҭәыр ирласны еилгап ҟарҵеит даргьы. Агәыӷра рыман Урыстәылантәи архәҭақәа ааны, Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ахаҭарнакцәа ықәырцап ҳәа. Агвардиауаа уажәы-уажә ирбоз еидыҳәҳәаланы иалганы иргон ақыҭа. Ус Лакәыт (Заур) Зарандиа Гәдоуҭантәи иманы дааит Николаи Луц дызлаз аибашьцәа ргәыԥ, урҭ Маркәыла ақыҭан рпозициа ааныркылеит. Цәыббрамза 26 рзы агвардиауаа дырҩегьых рқыҭахь рҿанаарха, ргәырҽанӡамкәа аԥшәмацәа аҿагылара рырҭеит. "Раԥхьатәи аидыслараҿы ҳара ҳганахь ахәцәа ҟалеит, аӡәы дҭахеит. Даргьы ааха ӷәӷәа роуит", - лҳәоит сажәабжь иалахәу Лариса Ҳаџьымба. Абри ашьҭахь ауп, занааҭла имедиаҳәшьцәаз Марина Бжьаниеи Лариса Ҳаџьымбеи (Кәыпраа) ианрылс аибашьра ду ишалагаз. Рҩыџьагьы маркәылаа ишырҭацацәазгьы, изеибадыруамызт, избанзар Лариса аҩнра ҳәа аибашьра аԥхьаҵәҟьа Ҳаџьымаа рҿы даннанага, ачараҿы Марина дзымнеиӡеит. Бжьаниаԥҳа ҩыџьа ахәыҷқәа дранын, аиҵбы Есма 5 шықәса, аиҳабы Елисо 10 шықәса рхыҵуан. Аԥҳәыс аштаб аҿы дахьнеиз илдырбеит ҿыц иаартыз амедпункт ахьыҟаз. Уи аҩны аԥшәмацәа лара илдыруан. Лҿыналхеит уахь…Лариса лакәзар, амза 26 рзтәи ахҭысқәа рышьҭахь, ланхәа длыҳәеит рыҩнаҿы аибашьцәа ацхыраара ахьрырҭо апункт аартра азин лылҭарц. "Маринеи сареи ҳаибадырра крызҵазкуаз хҭысын ҳаԥсҭазаараҿы. Цәыббрамза 26 рзы раԥхьатәи аидыслара анаҩс, сыԥшәма иҟынтәи ихәу ишьу шыҟоу ансаҳа, ашьыжь санхәа лҿы снеин слыҳәеит амедпункт аартра азин сылҭарц. Санхәа Зарета Калоева занааҭла дветеринарын, аха 1941-45 шш. рзтәи аибашьразы амедиаҳәшьа лкурсқәа дырхысхьан. Ари аҩбатәи еибашьран лара лыԥсҭазаараҿы. "Мама, сара ас сызтәом, смедиаҳәшьоуп. Ара ахәцәеи ишьуи ыҟоуп. Ари еибашьроуп. Абра ҳаҩны амедпункт аасыртырц сҭахуп, азин сышәҭ", - сҳәеит. Лара днатәан, абас салҳәеит: "Бара ибдыруама ибԥеиԥшу? Ари баша агәырҟаҵара акәӡам. Ара ӷәӷәала ихәу ауаа аанагоит. Ԥсҭазаара боуӡом, ишәарҭоуп", - ҳәа. Сара Москва аҵара санҭаз исдырҵеит, урҭқәа зегьы сҳәеит. Закәанла исуалуп аибашьра ацара, арратә билеҭ сымоуп сҳәеит, саҟәыҵуамызт аӷьаҵәыӷьаҵәра. Аҟәатәи 2-тәи, нас Очамчыратәи ахәшәтәырҭақәа рҿы аус сухьан. Акагьы ҟамҵаӡакәа аҩны атәара азин сымам сҳәан, санхәа дазаазгеит", - лҳәеит ԥхынгәымза 17 1992 шықәсазы Зарета Калоева лыҩны иҩнанагалаз аҭаца ҿыц.Артур Хаџьымбеи Ларисеи рчара ҵыхәтәантәин уи ақыҭаҿы аибашьра иалагаанӡа. Аштаб ахьыҟаз 1-тәи ачаи фабрикеи Ларисараа рыҩни шә-метрак ракәын ирыбжьаз. Анхәа дақәшаҳаҭхеит. Ауада архиара иалагеит ҭацеи анхәеи. Лариса илӡахит аџьар зныз абираҟ шкәакәа. Аҩнашә аԥхьа икналҳаит. Нас, ауаа ирылалҳәеит абра амедпункт шаарту азы. Уи аҽныҵәҟьа Марина Бжьаниа илдырбаз аҩны ашҭа данааҭала, ҿылҭит. Лара даалԥылеит аурыс ԥшра змаз, ҿаҳәарак амҿы знапаҿы изкыз ԥҳәыс ԥшӡак. Уи Лариса лакәын. "Сара смедиаҳәшьоуп, ацхыраара ҟасҵарц сҭахуп сҳәеит сналҿаԥшын. Иаразнак дысгәаԥхеит, ԥхаррак лыҵан. "Бааи, бааи" лҳәан, сыҩналгалеит. Абас ҳаибадырит лареи сареи", - лҳәоит Марина "Хабез" ҳәа адыргахьӡ змаз Маркәылатәи абаталион амедиаҳәшьа. Лариса лгәырӷьара ҳәаа амамызт ацхырааҩ данылзаа."Раԥхьаӡа ари апункт аҿы избазгьы лара лоуп. Сара амҿы хазгалон, избанзар алашара ыҟамызт, аӡыршы сымазар акәын ацхыраара аҭаххар. Убас сгәырӷьеит, ҳәашьа сзаҭом данызба. Уажәшьҭа схала сҟалом ҳәа сгәы иааҭашәеит. Убри амш инаркны шықәсыки ҩымзи ҳаиԥырымҵӡакәа ҳаицын", - лҳәоит Лариса. Зыӡбахә сымоу амедиаҳәшьцәа рымацара ракәмызт афронт иалаз, рхацәагьы ахы иаҿагылан. Марина лыԥшәма Вахо Буаа абаталион авзвод напхгара азиуан, Лариса лыԥшәма Артур Хаџьымба аимадара амаҵ азиуан, уи адагьы атехника аремонт аҟаҵаразгьы аџьабаа ибеит. Хашҭшьа змам ахҭысқәаАибашьра аамҭақәа ргәаларшәо, Маринеи Ларисеи хашҭшьа змам акәны иалыркаауеит жәабран 27, 28 1993 шықәсазтәи аидыслара. Ҩымш ицон аҭыԥҳацәа зыӡбахә рымоу маркәылааи мхьедирионааи реиҿагылара. "Напышьашәалатәи аибашьра аҟынӡа инеит ҩымштәи аиҿагылара. Зегьы иреицәаз акәны игәнаҳакылеит ҳаҷкәынцәа тҟәаны ианыргаз. Маркәыла ажәылара анцоз, урҭ ҳаӷацәа ирҿашәеит, ирхаҩаны итәазаарын. Итҟәаны иргеит Александр Жук напхгара зиҭоз аԥшыхәратә гәыԥ, уи Ира Курскаиа далан. Ишьызгьы ыҟан, ихәызгьы. Урҭ рӷьырак рыԥсы ҭан ианыргоз. Арациа ала еилыркааит ҳаҷкәынцәа иргаз рҟынтә зыԥсы ҭоу шыҟаз", - ахҳәаа алҭоит Марина 30 шықәса зхыҵуа ахҭыс. Лариса уи амш дазхьаԥшуа исзеиҭалҳәеит, аимадара знапы ианыз Рауль Хьиба ақырҭқәа реицәажәара дыбжьаланы ишеиликааз зыԥсы ҭоу атҟәацәа шыҟоу. "Ақырҭуа командиар "даажәг са сахь ани аурыс" иҳәазаап Жук изы. Раԥхьа уахыки-ҽнаки рхабаргьы ҳаздырӡомызт. Урҭ аума рзаарцон, идырҳәацәон. Курскаиа дхәын, Жук аконтузиа иман. Ишырҳәаз ала, Курскаиа Очамчыра ахәшәтәырҭахь днаргеит аԥхьа, нас абахҭахь дыргеит лҿахәы лҿырхырц", - илгәалалыршәоит Лариса.Лакәыт аицәажәарақәа рымҩаԥгара далагеит, ҳахәцәеи иршьызи дара ртәқәеи реиҭныԥсахларазы. Ақыҭа иатәыз гыруа ԥҳәыск даашьҭыхны дцарц иақәикит, аха уи аԥҳәыс Марина дҳацымкәа сызцом лҳәазаап. "Лара лашьа ҳара дҳабашьуан, дшәон азы Марина лыда сцаӡом лҳәеит. Лакәыт иҭахымызт сцарц, аха ишәыхьуа саргьы исыхьып сҳәан, сымцар сымуит. Ҳахҩыкгьы шьапыла ҩ-километрак амҩаду инаныршәланы ҳцеит аицәажәаразы. Дара ртәқәагьы ихәызи ишьызи ҳара иҳаман, убри азы ҳаиԥылара рҭахын. Зыԥсы ҭои, зыԥсы ҭами ҳәа еихшаны еиҭнаҳаԥсахлоит ҳәа ҳаицәажәеит", - лҳәоит Марина аицәажәарақәа рылҵшәазы. Аха, абраҟа ҳаӷа игәымбылџьабара ааимырԥшыр имуит. Аибашьра аветеранцәа ари амш еиҳа итрагедианы изалыркаауа - ҳаӷацәа зыԥсы ҭаз ҳаибашьцәагьы рыԥсы ҭыхны идыргьежьит. "Аиҭныԥсахлара аламҭалаз зыԥсы ҭаз зегь ршьит", - еиҭалҳәоит Марина. Лариса лакәзар, урҭ амш хьанҭақәа дырзыгьежьуа илҳәоит ҳара ҳтәқәа ԥсуаҵас рхы шымҩаԥыргаз. "Дара ртәқәа иԥсыз зегь ирыцқьаны, амаҭәа ҿыцқәа рышәҵаны, ашьаршьаф шкәакәақәа рықәыршәны ишахәҭаз иҟаҳҵеит. Руаӡәы ираҳәарахқәа ҭыбганы иҟан. Сергеи Адлеибеи сареи даҳӡахит. Ԥсыуа ламысла, ԥсыуа ҵасла ҳхы мҩаԥаҳгеит. Ақыҭа ҳәсақәа рхәыҷқәа зшьуаз рзы аҩныҵҟа маҭәақәа, ашьаршьафқәа ааргеит. Даара ҳгәыӷуан зыԥсы ҭаз ԥыҭҩык ҳзаауеит ҳәа, аха аиҭныԥсахламҭаз иҭадырхеит зегьы", - лҳәоит Лариса дқәыԥсычҳауа. "Лакәыт Гәдоуҭаҟа абџьар, ма аибашьцәа рзы данцоз Ҭенгиз иакәын хадас иҳамаз. Нас иара данҭаха Амиран Шамиль-иԥа Ҳаџьымба. Лакәыт адесанттә жәыларатә баталионгьы хадас дарҭеит, анахь, арахь иҽиҟьон еснагь. Лакәыт даԥхьагылаҩын аиашазы", - еицҿакны ирҳәоит амедиаҳәшьцәа. АнацәаАбри ахәҭаҿы Ларисеи Маринеи ранацәа ирыдҳәалоу ажәабжь еиҭасҳәарц сҭаххеит. Ас иҟоу аҭоурыхқәа ибзианы иаадырԥшуеит ҳаӷа ихаҿсахьа. Анацәа ирӡон рыхшара аибашьра ишалахәыз. Лариса лан аӷа инапаҵаҟа иҟаз Очамчыра далахеит. Ҩыџьа лыԥҳацәагьы уа иҟан, Лариса - Маркәыла. "Саб Гьаргь (Жора) Кәыпраа Очамчыра далҵхьан уи аамҭазы. Иара "Аидгылара" далан азы, иаразнак далыргеит. Аурыс порт ала Москваҟа дрышьҭит. 1989 шықәсазы аидыслара аныҟаз иҷаҷақәа кыддыршәшәахьан ақырҭқәа. Санду мхедрионаа аԥсышәала дахьцәажәаз азы, автоматла лхы иасит. Лара Очамчыра амилициаа рҿы дцеит лхы еиҭалҳәарц. Уаагьы илаадырхеит. Уи ашьҭахь сан санду дылҵәахит ҳауацәа рҿы. Сан лхала даанхеит аҩны. Дабацоз? Ҩыџьа саҳәшьцәа Очамчыра рхәыҷқәа рыманы иаланхон, изалымҵит", – еиҭалҳәоит лан илызку ажәабжь Лариса. Лариса лан Галина Ианушкевич дполиак ҭыԥҳан. Маркәыла иҟаз лыԥҳа лхабар еилылкаарц, лҽырҩашьан ачаиҭрақәа дрылсны ақыҭахь дшаауаз ақырҭқәа дааныркылеит. Даҽазны бхабар анаҳба, ибзааҳцо ҳәа иналықәымчит. "Сан аибашьра анцоз лҿы акуа иалагеит, уаҩҵас дызцәажәомызт. Аҩбатәи аан ачаи плантациақәа дрылсны са сахь даарц дҳәазаны дандәықәла, ақырҭқәа дааныркылт. Маркәыла азааигәара ақырҭуа ҳабла Сақобалиа дыргеит дырҳәазо. Сан илшәыз зегь лшәыхны идыркәыкәит. Ирыԥшаауан аинформациа зныз ақьаад бӷьыц. Лҿахәы лҿырхуан. "Бабацоз арахь" ҳәа ианлазҵаа, лыԥҳа аԥсуа дышимаз аҳәара дацәшәан - сыӡӷаб ерманык дигеит, слышьҭаланы сцон лҳәеит. "Ижәлои уи аерманы" анырҳәа - иабаздыруеи, аибашьра аԥхьоуп данцаз лҳәазаап. Убри лымаҭәақәа еиҟәыжәжәа иҟаз лышәҵаны доурыжьҭит. Даҽазнык баҳбар, ибгәыдҵан баҳшьуеит ҳәа налышьҭаҳәаны. Аҩны дааит. Ҳгәылара дынхон Циури Цколиа ҳәа ԥҳәыск – уи аԥсуаа рыҩнқәа мхедрионаа ҩнаҵаны илыман. Ашәанцәа зны дара рзы иманшәаламхаз ажәылара ашьҭахь сан лҿы иаан, ашьқаԥ днаддыргылан автомат ала илыххысаауа иалгеит. Лыԥсы маҷхеит. Даналҵ, дызцәажәаӡомызт", - ҳәа лан лҭоурых еиҭалҳәоит Лариса. Убри ашьҭахь дызҭахыз хаҵак дааин, "Галиа, ашәанцәа амаца бықәҵаны ихәмарит, быршьыр ауеит", - иҳәеит. Уахынла асааҭ 2 рзы Галиа харԥзаҵәы аԥенџьыр дкылԥан, аканализациатә цәаҳәақәа рыла Очамчыра 6-тәи араион аҟынӡа днеит лыԥҳаиҵбы дахьынхоз. "Уа агәылацәа сан ашәы лшәырҵан лаԥхьа партретқәак лгәы инкыдҵаны, Кырҭтәыла ала Москваҟа дрышьҭит саб иахь", – ҳәа игәаӷьуацәоу асиужет хлыркәшеит Лариса. 2010 шықәсазы лыԥсҭазара далҵит Галина Ианушкович-Кәыпраа. Марина Бжьаниаԥҳа лахь ҳаиасуазар, лымацара лакәмызт рҭаацәараҿы еибашьуаз. Ҩыџьа лашьцәа Гәырами Ҭемыри агәыԥ "Катран" иалан. Марина лан Ҭина Кветаӡе милаҭла дақырҭуан, уигьы илӡон лыхшара шеибашьуаз. "Сан аоккупациа зызуз Тамшь ахәҭаҿы даанхеит. Лара рбызшәа лымдыруази, илыламкьысуаз џьылшьон. Сашьцәа кәтолтәи ацәаҳәахьы иҟан "Катран" иалан. Дара уахынла амҩа еихҵәаны маӡала аҩныҟа иаауан. Ҩымш, хымш ҳаҩны аҭуан аҿы итәан. Уахынла аихамҩақәа рыԥжәаразы ицәырҵуан. Сан лыҩны ақырҭуа гвардиауаа аннеилакгьы, "сыҷкәынцәа Урыстәылаҟа ицеит" лҳәон. Ус ишыҟаз, ҳгәыла агыруа ԥҳәыс сан лԥацәеи лыԥҳаи шеибашьуаз азы ацәгьа лҳәеит. Сан рыцҳа дытҟәаны дыргеит. Ҳаҩны рблит, иҟаз зегь дәылганы иргеит. Дырҟәаҟәеит лара, нас аҳәаҭра дҭакны дрыман. Астма лыман сан. Нас Тамшь аценр аҿы иҟаз аштаб ахь дыргеит. Ҩымш, хымш дҭакны дрыман. Лышьра азҵаара ықәгылан. Нас, ишҳарҳәаз ала, қәҭешьтәи ҷқәынак дрыцҳаишьазаап. Уахынла ддәылганы доуижьҭит. Амотовоз ныҟәон убысҟан, убри дақәдыртәан, Гәылрыԥшьҟа дрышьҭит. Убра инхон лыуацәақәак", - лан лҭоурых салҳәеит Марина. Уи аамҭазы Марина лан деибганы дыҟоуп ҳәа дыҟамызт. Нас аиааира аламҭалазы, Кәыдры ҳара ҳаибашьцәа анеиқәшәа, лыҷқәынцәа руаӡәы Агәыӡера диԥшааит. Ларисеи Маринеи уи аамҭазы Маркәыла амедпункт аҿы иҟан. Арратә ҳақьым Гьаргь Кәакәасқьыр идҵала рус иахәашаз материалқәак дырхион.Ҭина Кветаӡе лдунеи лыԥсахит 2011 шықәсазы. Аиааира амш аԥылараМарина лан аҩны днадыртәан, дара дәықәлеит аштаб ахь. Ус дҵас ириҭеит аҩбатәи акомандир Амиран Ҳаџьымба. Ауха уа иҷаԥшьар акәын, адырҩаҽны Очамчыра иалаларц планс ирыман. "Ҩба-ҩба арҭмаҟ ҳаман, 16 кьыла акапануан акы. Аиааира ааигәан аха, Кәачара аиҿахысрақәа цон. Ашьыжь шаанӡа ҳполк еизан, Тҟәарчалтәи амҩахь икылстәуп рҳәеит. Каре – аруаа ирымоуп уи аҩыза аилкаара. Убас ҳҽеидкыланы ԥшьыркца кәакьла 50 метра ҳабжьаҵаны ҳҿынаҳхеит. Ҳара агәҭа ҳдыргылеит, иҳацәшәон азы. Аџьықәреиҭра ҳалсны ҳцон. Ақырҭқәа ахьтәаз аӡәгьы издыруамызт. Ҳа ҳтәқәа равтоматқәа шьҭыхны ицалар акәын аԥсуа еибашьцәа шракәу рдырразы. Нас, Баслахәтәи агәыԥи ҳареи ҳаиқәшәеит Тҟәарчалтәи атрассаҿы. Аиааира еидаҳныҳәалон, аибашьраҿы акәаԥ шыргыламызгьы. Убри аамҭазы Мрагыларатәи афронт аҟынтә иаауан аԥсуаа иртәыз аколонна. Аиааира, аиааира ҳәа еиқәҿырҭуан зегьы. Ус иаҳбеит амедицина-санитартә машьына. Ашәхымс аҿы Гәырам Шьоууа дгылан. Ҳаниба, ҳаидырын даангылт. Сара сызҷаҷак амамазт, Гәырам уи идыруан. Иџьеишьеит аибашьраҿы саниба. Маринеи иареи еибасырдырт иаразнак. "Анаркотикқәа шәымоума ишәызхаша?" иҳәан, акгьы шҳамамыз иаҳҳәеит. Нас, иҳаиҭеит кәалаԥк-кәалаԥк. Иара Гал аганахь дцеит. Ҳара Очамчыра ҳалалар акәын, избанзар ақалақь бзианы иаҳдыруан, машәырла уа инхоз ҳа ҳтәқәа ҭамхарц азын. Ажәытәтәи Тҟәарчалтәи амҩала Очамчыра ҳалалеит. Рнапы ҳанҵаны ҳдыршәуан иаҳбаз аибашьцәа. Акаҭран гәыдаҳкылон ҳгәырӷьаны. Ахысра ҳәа атәыла бгон. Амала, ақалақь аҿы ҳаруаа рыда аӡәгьы дубаӡомызт. Ауаа рҽырҵәахит. Ҳара ашәҭқәа кны иаҳпылоз џьаҳшьон. Ауаа шәон. Ақырҭқәа ирыларҳәеит ачеченцәа рбаталион амҩа иқәуп, зегь шәыхқәа хырсоит ҳәа", - абас илгәалашәоит Лариса Аиааира амш.Аибашьра ашьҭахь Марина Бжьаниа лыԥсҭазаараҿы иҟалеит даҽа еибашьракгьы, лыԥшәмеи лареи 1998 шықәсазы Гал имҩаԥсуаз ахҭысқәа ирылахәын. Ҩышықәса рнаҩс, 2000 шықәсазы лыԥшәма Вахо Буаа Гал араион аҿы адиверсантцәа дҭадырхоит. Лаԥхьаҟа ишьҭан лхәыҷқәа лхала ршьапы рықәыргылара. Аибашьра анцоз "бхәыҷқәа кажьны бабацо" ҳәа лазҳәоз рацәаҩын, ркомандир Лакәыт аԥхьа днаргыланы, аха лара даанымкылеит. "Ҳара ҳанхон аснариадқәа заадырхоз апозициақәа ирымариашаны.Сыԥшәма вертолиотла салигаргьы иҭахын схәыҷқәеи сареи. Џьаргьы сцаӡом сҳәеит. Ара сыҟазароуп, ахәыҷқәа ҳҵәахлап сҳәеит", – лҳәоит Марина аԥсадгьыл ахьчара хықәкы хадас ишьҭызхыз. Усҟан 5 шықәса зхыҵуаз лыԥҳа Есма дандуха, лгәалашәарақәа рҿы абас лыҩуеит: 30 шықәса ирҭысхьоу аиҩызараМаринеи Ларисеи реиҩызара иахьанӡагьы иааргоит. Сара раԥхьа хықәкыс исымаз Лариса илызкны анҵамҭа аҟаҵара акәын. Аҭел санылзас, исалҳәеит лҩыза Марина Бжьаниа лыда дшақәшаҳаҭымхо. Шамаха, зегь рхы мацароуп иӡырырго, аиашазы, сгәы иахәеит ас аҩыза дахьылзыҟаз сзацәажәоз. "Есыҽны ҳаибабоит уҳәар ауеит", - рҳәоит дара еицҿакны. Ҳазҭагылоу аамҭазы Лариса аибашьра иазкны ашәҟәы аҩра даҿуп, Марина лакәзар, аматериалқәа реизгаразы длыцхраауеит. Ҳаицәажәара ахыркәшамҭазы аветеранцәа ирысҭеит алаф зцыз азҵаара – шәышԥааибуеи Ҳаџьымбеи Бжьаниеи ҳәа. Ари дара аҟырҟырҳәа иарччеит. "Ари бара беиԥш иазҵаауа рацәаҩуп", - саҭаркит рҩыџьагьы. Аибашьра аветеранцәа ражәақәа рыла, дара реиҩызара аполитика аԥырхагам. "Ҳара ҳаиҩызара еиҳауп аполитикатә еибарххарақәа реиҳа", - рҳәеит Маринеи Ларисеи.Аибашьраҿы иаадырԥшыз агәымшәаразы рҩыџьагьы иранашьоуп "Агәымшәараз" амедал. Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 2023 Елеонора Коӷониаԥҳа https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg Елеонора Коӷониаԥҳа https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg Ажәабжьқәа ab_AB Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 1920 1080 true 1920 1440 true https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/11/1044681259_0:95:720:635_1920x0_80_0_0_8fcf4bd37c5d846ce7f2deda3230acba.jpg 1920 1920 true Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Елеонора Коӷониаԥҳа https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg аԥсны, аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса аԥсны, аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса Аџьар зныз абираҟ шкәакәа: аветеранцәа Марина Бжьаниеи Лариса Ҳаџьымбеи рҭоурых 13:20 18.03.2023 (ирҿыцуп: 23:17 05.06.2023) © Foto / из семейного архива Ларисы ХаджимбаЛариса Хаџьымбеи Марина Бжьаниеи © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Анапаҵаҩра Елеонора Коӷониаԥҳа материал Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, маркәылаа рҭацацәа Марина Бжьаниеи Лариса Ҳаџьымбеи рҭоурых ҳзеиҭалҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа. Аибашьра аналага, иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо ҩыџьа аиҩызцәа, маркәылаа рҭацацәа, азныказ иаарласны еилгарашәа днарбеит. Рқыҭаҿы раԥхьатәи амшқәа рзы ақырҭуа гвардиауаа ртанкқәа ирықәтәаны арҳәреи аӷьычреи ракәын изҿыз. Амародиорцәа ргәы ҭәыр ирласны еилгап ҟарҵеит даргьы. Агәыӷра рыман Урыстәылантәи архәҭақәа ааны, Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ахаҭарнакцәа ықәырцап ҳәа. Агвардиауаа уажәы-уажә ирбоз еидыҳәҳәаланы иалганы иргон ақыҭа. Ус Лакәыт (Заур) Зарандиа Гәдоуҭантәи иманы дааит Николаи Луц дызлаз аибашьцәа ргәыԥ, урҭ Маркәыла ақыҭан рпозициа ааныркылеит. Цәыббрамза 26 рзы агвардиауаа дырҩегьых рқыҭахь рҿанаарха, ргәырҽанӡамкәа аԥшәмацәа аҿагылара рырҭеит. "Раԥхьатәи аидыслараҿы ҳара ҳганахь ахәцәа ҟалеит, аӡәы дҭахеит. Даргьы ааха ӷәӷәа роуит", - лҳәоит сажәабжь иалахәу Лариса Ҳаџьымба. Абри ашьҭахь ауп, занааҭла имедиаҳәшьцәаз Марина Бжьаниеи Лариса Ҳаџьымбеи (Кәыпраа) ианрылс аибашьра ду ишалагаз. Рҩыџьагьы маркәылаа ишырҭацацәазгьы, изеибадыруамызт, избанзар Лариса аҩнра ҳәа аибашьра аԥхьаҵәҟьа Ҳаџьымаа рҿы даннанага, ачараҿы Марина дзымнеиӡеит. Бжьаниаԥҳа ҩыџьа ахәыҷқәа дранын, аиҵбы Есма 5 шықәса, аиҳабы Елисо 10 шықәса рхыҵуан. "Иҳалахысуан, аԥсуаа рсиа кны идәықәын иргарцаз. Аха, амза 26 рзы аидыслара аныҟала, Луц данҭаха, схы сазҵааит сабацо сыбналаны ҳәа? Издыруада, ӡәыр ацхыраара сызиҭар ҳәа инҵәомызт схы иасҭоз азҵаарақәа. Занааҭла смедиаҳәшьан, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы ахәыҷтәы ҟәшаҿы аус зуан, аԥышәагьы сыман. Схәыҷқәа сҭынхацәақәак рахь исышьҭын, ахәшәқәа зҭаз сарҭмаҟ аашьҭыхны Ачаи фабрикаҿы иҟаз аштаб ахь сҿынасхеит", - илгәалалыршәоит Марина. Аԥҳәыс аштаб аҿы дахьнеиз илдырбеит ҿыц иаартыз амедпункт ахьыҟаз. Уи аҩны аԥшәмацәа лара илдыруан. Лҿыналхеит уахь… Лариса лакәзар, амза 26 рзтәи ахҭысқәа рышьҭахь, ланхәа длыҳәеит рыҩнаҿы аибашьцәа ацхыраара ахьрырҭо апункт аартра азин лылҭарц. "Маринеи сареи ҳаибадырра крызҵазкуаз хҭысын ҳаԥсҭазаараҿы. Цәыббрамза 26 рзы раԥхьатәи аидыслара анаҩс, сыԥшәма иҟынтәи ихәу ишьу шыҟоу ансаҳа, ашьыжь санхәа лҿы снеин слыҳәеит амедпункт аартра азин сылҭарц. Санхәа Зарета Калоева занааҭла дветеринарын, аха 1941-45 шш. рзтәи аибашьразы амедиаҳәшьа лкурсқәа дырхысхьан. Ари аҩбатәи еибашьран лара лыԥсҭазаараҿы. "Мама, сара ас сызтәом, смедиаҳәшьоуп. Ара ахәцәеи ишьуи ыҟоуп. Ари еибашьроуп. Абра ҳаҩны амедпункт аасыртырц сҭахуп, азин сышәҭ", - сҳәеит. Лара днатәан, абас салҳәеит: "Бара ибдыруама ибԥеиԥшу? Ари баша агәырҟаҵара акәӡам. Ара ӷәӷәала ихәу ауаа аанагоит. Ԥсҭазаара боуӡом, ишәарҭоуп", - ҳәа. Сара Москва аҵара санҭаз исдырҵеит, урҭқәа зегьы сҳәеит. Закәанла исуалуп аибашьра ацара, арратә билеҭ сымоуп сҳәеит, саҟәыҵуамызт аӷьаҵәыӷьаҵәра. Аҟәатәи 2-тәи, нас Очамчыратәи ахәшәтәырҭақәа рҿы аус сухьан. Акагьы ҟамҵаӡакәа аҩны атәара азин сымам сҳәан, санхәа дазаазгеит", - лҳәеит ԥхынгәымза 17 1992 шықәсазы Зарета Калоева лыҩны иҩнанагалаз аҭаца ҿыц. © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Лариса Ҳаџьымба 1/3 © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Лариса Ҳаџьымба © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Лариса Ҳаџьымбеи лани, лаби, лареи, лаҳәшьеи 2/3 © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Лариса Ҳаџьымбеи лани, лаби, лареи, лаҳәшьеи © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Лариса лхаҵа Артур Ҳаџьымбеи лареи 3/3 © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Лариса лхаҵа Артур Ҳаџьымбеи лареи 1/3 © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Лариса Ҳаџьымба 2/3 © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Лариса Ҳаџьымбеи лани, лаби, лареи, лаҳәшьеи 3/3 © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Лариса лхаҵа Артур Ҳаџьымбеи лареи Артур Хаџьымбеи Ларисеи рчара ҵыхәтәантәин уи ақыҭаҿы аибашьра иалагаанӡа. Аштаб ахьыҟаз 1-тәи ачаи фабрикеи Ларисараа рыҩни шә-метрак ракәын ирыбжьаз. Анхәа дақәшаҳаҭхеит. Ауада архиара иалагеит ҭацеи анхәеи. Лариса илӡахит аџьар зныз абираҟ шкәакәа. Аҩнашә аԥхьа икналҳаит. Нас, ауаа ирылалҳәеит абра амедпункт шаарту азы. Уи аҽныҵәҟьа Марина Бжьаниа илдырбаз аҩны ашҭа данааҭала, ҿылҭит. Лара даалԥылеит аурыс ԥшра змаз, ҿаҳәарак амҿы знапаҿы изкыз ԥҳәыс ԥшӡак. Уи Лариса лакәын. "Сара смедиаҳәшьоуп, ацхыраара ҟасҵарц сҭахуп сҳәеит сналҿаԥшын. Иаразнак дысгәаԥхеит, ԥхаррак лыҵан. "Бааи, бааи" лҳәан, сыҩналгалеит. Абас ҳаибадырит лареи сареи", - лҳәоит Марина "Хабез" ҳәа адыргахьӡ змаз Маркәылатәи абаталион амедиаҳәшьа. © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Маркәылатәи абаталион "Хабез". Маркәылатәи абаталион "Хабез". © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Лариса лгәырӷьара ҳәаа амамызт ацхырааҩ данылзаа. "Раԥхьаӡа ари апункт аҿы избазгьы лара лоуп. Сара амҿы хазгалон, избанзар алашара ыҟамызт, аӡыршы сымазар акәын ацхыраара аҭаххар. Убас сгәырӷьеит, ҳәашьа сзаҭом данызба. Уажәшьҭа схала сҟалом ҳәа сгәы иааҭашәеит. Убри амш инаркны шықәсыки ҩымзи ҳаиԥырымҵӡакәа ҳаицын", - лҳәоит Лариса. © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Лариса Ҳаџьымба Лариса Ҳаџьымба © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Зыӡбахә сымоу амедиаҳәшьцәа рымацара ракәмызт афронт иалаз, рхацәагьы ахы иаҿагылан. Марина лыԥшәма Вахо Буаа абаталион авзвод напхгара азиуан, Лариса лыԥшәма Артур Хаџьымба аимадара амаҵ азиуан, уи адагьы атехника аремонт аҟаҵаразгьы аџьабаа ибеит. © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба абаталион адҵаҟаҵаҩ Зарандиа Заур Чанҭа-иԥа. Маркәыла абаталион адҵаҟаҵаҩ Зарандиа Заур Чанҭа-иԥа. Маркәыла © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Хашҭшьа змам ахҭысқәа Аибашьра аамҭақәа ргәаларшәо, Маринеи Ларисеи хашҭшьа змам акәны иалыркаауеит жәабран 27, 28 1993 шықәсазтәи аидыслара. Ҩымш ицон аҭыԥҳацәа зыӡбахә рымоу маркәылааи мхьедирионааи реиҿагылара. "Напышьашәалатәи аибашьра аҟынӡа инеит ҩымштәи аиҿагылара. Зегьы иреицәаз акәны игәнаҳакылеит ҳаҷкәынцәа тҟәаны ианыргаз. Маркәыла ажәылара анцоз, урҭ ҳаӷацәа ирҿашәеит, ирхаҩаны итәазаарын. Итҟәаны иргеит Александр Жук напхгара зиҭоз аԥшыхәратә гәыԥ, уи Ира Курскаиа далан. Ишьызгьы ыҟан, ихәызгьы. Урҭ рӷьырак рыԥсы ҭан ианыргоз. Арациа ала еилыркааит ҳаҷкәынцәа иргаз рҟынтә зыԥсы ҭоу шыҟаз", - ахҳәаа алҭоит Марина 30 шықәса зхыҵуа ахҭыс. © Foto / из семейного архива Ларисы ХаджимбаМарина Бжьаниа Марина Бжьаниа © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Лариса уи амш дазхьаԥшуа исзеиҭалҳәеит, аимадара знапы ианыз Рауль Хьиба ақырҭқәа реицәажәара дыбжьаланы ишеиликааз зыԥсы ҭоу атҟәацәа шыҟоу. "Ақырҭуа командиар "даажәг са сахь ани аурыс" иҳәазаап Жук изы. Раԥхьа уахыки-ҽнаки рхабаргьы ҳаздырӡомызт. Урҭ аума рзаарцон, идырҳәацәон. Курскаиа дхәын, Жук аконтузиа иман. Ишырҳәаз ала, Курскаиа Очамчыра ахәшәтәырҭахь днаргеит аԥхьа, нас абахҭахь дыргеит лҿахәы лҿырхырц", - илгәалалыршәоит Лариса. Лакәыт аицәажәарақәа рымҩаԥгара далагеит, ҳахәцәеи иршьызи дара ртәқәеи реиҭныԥсахларазы. Ақыҭа иатәыз гыруа ԥҳәыск даашьҭыхны дцарц иақәикит, аха уи аԥҳәыс Марина дҳацымкәа сызцом лҳәазаап. © Foto / из семейного архива Ларисы ХаджимбаМарина Бжьаниа аибашьра ашьҭахь Марина Бжьаниа аибашьра ашьҭахь © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба "Лара лашьа ҳара дҳабашьуан, дшәон азы Марина лыда сцаӡом лҳәеит. Лакәыт иҭахымызт сцарц, аха ишәыхьуа саргьы исыхьып сҳәан, сымцар сымуит. Ҳахҩыкгьы шьапыла ҩ-километрак амҩаду инаныршәланы ҳцеит аицәажәаразы. Дара ртәқәагьы ихәызи ишьызи ҳара иҳаман, убри азы ҳаиԥылара рҭахын. Зыԥсы ҭои, зыԥсы ҭами ҳәа еихшаны еиҭнаҳаԥсахлоит ҳәа ҳаицәажәеит", - лҳәоит Марина аицәажәарақәа рылҵшәазы. Аха, абраҟа ҳаӷа игәымбылџьабара ааимырԥшыр имуит. Аибашьра аветеранцәа ари амш еиҳа итрагедианы изалыркаауа - ҳаӷацәа зыԥсы ҭаз ҳаибашьцәагьы рыԥсы ҭыхны идыргьежьит. "Аиҭныԥсахлара аламҭалаз зыԥсы ҭаз зегь ршьит", - еиҭалҳәоит Марина. Лариса лакәзар, урҭ амш хьанҭақәа дырзыгьежьуа илҳәоит ҳара ҳтәқәа ԥсуаҵас рхы шымҩаԥыргаз. "Дара ртәқәа иԥсыз зегь ирыцқьаны, амаҭәа ҿыцқәа рышәҵаны, ашьаршьаф шкәакәақәа рықәыршәны ишахәҭаз иҟаҳҵеит. Руаӡәы ираҳәарахқәа ҭыбганы иҟан. Сергеи Адлеибеи сареи даҳӡахит. Ԥсыуа ламысла, ԥсыуа ҵасла ҳхы мҩаԥаҳгеит. Ақыҭа ҳәсақәа рхәыҷқәа зшьуаз рзы аҩныҵҟа маҭәақәа, ашьаршьафқәа ааргеит. Даара ҳгәыӷуан зыԥсы ҭаз ԥыҭҩык ҳзаауеит ҳәа, аха аиҭныԥсахламҭаз иҭадырхеит зегьы", - лҳәоит Лариса дқәыԥсычҳауа. Уи аҽны ԥсышьацәгьа зырҭаз ҳаибашьцәа иреиуоуп : Џьамал Турнанба, Курскаиа Ирина, Александр Жук, Заур Зарандиа (Кузьмин), Мурман Ашәба, Ҭамази Рудольфи Адлеиаа, Игорь Акаба. Маркәылатәи архәҭа командирс иҟаз Лакәыт Чанҭа-иԥа Зарандиа иакәын. Ихаҭыԥуаҩс Кәакәасқьыр Ҭенгиз Иларион иԥа. "Лакәыт Гәдоуҭаҟа абџьар, ма аибашьцәа рзы данцоз Ҭенгиз иакәын хадас иҳамаз. Нас иара данҭаха Амиран Шамиль-иԥа Ҳаџьымба. Лакәыт адесанттә жәыларатә баталионгьы хадас дарҭеит, анахь, арахь иҽиҟьон еснагь. Лакәыт даԥхьагылаҩын аиашазы", - еицҿакны ирҳәоит амедиаҳәшьцәа. Анацәа Абри ахәҭаҿы Ларисеи Маринеи ранацәа ирыдҳәалоу ажәабжь еиҭасҳәарц сҭаххеит. Ас иҟоу аҭоурыхқәа ибзианы иаадырԥшуеит ҳаӷа ихаҿсахьа. Анацәа ирӡон рыхшара аибашьра ишалахәыз. Лариса лан аӷа инапаҵаҟа иҟаз Очамчыра далахеит. Ҩыџьа лыԥҳацәагьы уа иҟан, Лариса - Маркәыла. "Саб Гьаргь (Жора) Кәыпраа Очамчыра далҵхьан уи аамҭазы. Иара "Аидгылара" далан азы, иаразнак далыргеит. Аурыс порт ала Москваҟа дрышьҭит. 1989 шықәсазы аидыслара аныҟаз иҷаҷақәа кыддыршәшәахьан ақырҭқәа. Санду мхедрионаа аԥсышәала дахьцәажәаз азы, автоматла лхы иасит. Лара Очамчыра амилициаа рҿы дцеит лхы еиҭалҳәарц. Уаагьы илаадырхеит. Уи ашьҭахь сан санду дылҵәахит ҳауацәа рҿы. Сан лхала даанхеит аҩны. Дабацоз? Ҩыџьа саҳәшьцәа Очамчыра рхәыҷқәа рыманы иаланхон, изалымҵит", – еиҭалҳәоит лан илызку ажәабжь Лариса. © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Лариса Ҳаџьымба лан Галина Ианушкович-Кәыпраа Лариса Ҳаџьымба лан Галина Ианушкович-Кәыпраа © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Лариса лан Галина Ианушкевич дполиак ҭыԥҳан. Маркәыла иҟаз лыԥҳа лхабар еилылкаарц, лҽырҩашьан ачаиҭрақәа дрылсны ақыҭахь дшаауаз ақырҭқәа дааныркылеит. Даҽазны бхабар анаҳба, ибзааҳцо ҳәа иналықәымчит. "Сан аибашьра анцоз лҿы акуа иалагеит, уаҩҵас дызцәажәомызт. Аҩбатәи аан ачаи плантациақәа дрылсны са сахь даарц дҳәазаны дандәықәла, ақырҭқәа дааныркылт. Маркәыла азааигәара ақырҭуа ҳабла Сақобалиа дыргеит дырҳәазо. Сан илшәыз зегь лшәыхны идыркәыкәит. Ирыԥшаауан аинформациа зныз ақьаад бӷьыц. Лҿахәы лҿырхуан. "Бабацоз арахь" ҳәа ианлазҵаа, лыԥҳа аԥсуа дышимаз аҳәара дацәшәан - сыӡӷаб ерманык дигеит, слышьҭаланы сцон лҳәеит. "Ижәлои уи аерманы" анырҳәа - иабаздыруеи, аибашьра аԥхьоуп данцаз лҳәазаап. Убри лымаҭәақәа еиҟәыжәжәа иҟаз лышәҵаны доурыжьҭит. Даҽазнык баҳбар, ибгәыдҵан баҳшьуеит ҳәа налышьҭаҳәаны. Аҩны дааит. Ҳгәылара дынхон Циури Цколиа ҳәа ԥҳәыск – уи аԥсуаа рыҩнқәа мхедрионаа ҩнаҵаны илыман. Ашәанцәа зны дара рзы иманшәаламхаз ажәылара ашьҭахь сан лҿы иаан, ашьқаԥ днаддыргылан автомат ала илыххысаауа иалгеит. Лыԥсы маҷхеит. Даналҵ, дызцәажәаӡомызт", - ҳәа лан лҭоурых еиҭалҳәоит Лариса. Убри ашьҭахь дызҭахыз хаҵак дааин, "Галиа, ашәанцәа амаца бықәҵаны ихәмарит, быршьыр ауеит", - иҳәеит. Уахынла асааҭ 2 рзы Галиа харԥзаҵәы аԥенџьыр дкылԥан, аканализациатә цәаҳәақәа рыла Очамчыра 6-тәи араион аҟынӡа днеит лыԥҳаиҵбы дахьынхоз. "Уа агәылацәа сан ашәы лшәырҵан лаԥхьа партретқәак лгәы инкыдҵаны, Кырҭтәыла ала Москваҟа дрышьҭит саб иахь", – ҳәа игәаӷьуацәоу асиужет хлыркәшеит Лариса. 2010 шықәсазы лыԥсҭазара далҵит Галина Ианушкович-Кәыпраа. Марина Бжьаниаԥҳа лахь ҳаиасуазар, лымацара лакәмызт рҭаацәараҿы еибашьуаз. Ҩыџьа лашьцәа Гәырами Ҭемыри агәыԥ "Катран" иалан. © Foto / из семейного архива Ларисы ХаджимбаМарина Бжьаниаԥҳа лашьа Ҭемыр Бжьаниа. агәыԥ "Каҭран", Марина Бжьаниаԥҳа лашьа Ҭемыр Бжьаниа. агәыԥ "Каҭран", © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Марина лан Ҭина Кветаӡе милаҭла дақырҭуан, уигьы илӡон лыхшара шеибашьуаз. "Сан аоккупациа зызуз Тамшь ахәҭаҿы даанхеит. Лара рбызшәа лымдыруази, илыламкьысуаз џьылшьон. Сашьцәа кәтолтәи ацәаҳәахьы иҟан "Катран" иалан. Дара уахынла амҩа еихҵәаны маӡала аҩныҟа иаауан. Ҩымш, хымш ҳаҩны аҭуан аҿы итәан. Уахынла аихамҩақәа рыԥжәаразы ицәырҵуан. Сан лыҩны ақырҭуа гвардиауаа аннеилакгьы, "сыҷкәынцәа Урыстәылаҟа ицеит" лҳәон. Ус ишыҟаз, ҳгәыла агыруа ԥҳәыс сан лԥацәеи лыԥҳаи шеибашьуаз азы ацәгьа лҳәеит. Сан рыцҳа дытҟәаны дыргеит. Ҳаҩны рблит, иҟаз зегь дәылганы иргеит. Дырҟәаҟәеит лара, нас аҳәаҭра дҭакны дрыман. Астма лыман сан. Нас Тамшь аценр аҿы иҟаз аштаб ахь дыргеит. Ҩымш, хымш дҭакны дрыман. Лышьра азҵаара ықәгылан. Нас, ишҳарҳәаз ала, қәҭешьтәи ҷқәынак дрыцҳаишьазаап. Уахынла ддәылганы доуижьҭит. Амотовоз ныҟәон убысҟан, убри дақәдыртәан, Гәылрыԥшьҟа дрышьҭит. Убра инхон лыуацәақәак", - лан лҭоурых салҳәеит Марина. © Foto / из семейного архива Ларисы ХаджимбаМарина Бжьаниа лан Ҭина Кветаӡе Марина Бжьаниа лан Ҭина Кветаӡе © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба Уи аамҭазы Марина лан деибганы дыҟоуп ҳәа дыҟамызт. Нас аиааира аламҭалазы, Кәыдры ҳара ҳаибашьцәа анеиқәшәа, лыҷқәынцәа руаӡәы Агәыӡера диԥшааит. Ларисеи Маринеи уи аамҭазы Маркәыла амедпункт аҿы иҟан. Арратә ҳақьым Гьаргь Кәакәасқьыр идҵала рус иахәашаз материалқәак дырхион. "Марина, бдәылҵ, иааз дыббап рҳәеит ҳаҷкәынцәа. Ҳаныԥшы, лан хыхь атанк дақәтәан лыхцәы шлаӷәаӷәаӡа, ахалаҭ лышәҵаны.. Илыгын цәгьала. Марина лан данылба, аҳәҳәара далагеит. Лан дылбааргеит ҵаҟа. Агәыдеибаҳәҳәалара, аҵәыуара, уа иҟаз аиҭаҳәара цәгьоуп. Ҳгәырӷьон. Аха зегь реиҳа ҳзыршанхаз – ан лнапаҿы илкын ачабра илаҳәаз часак", - ҳәа дгәыԥшаа-хыԥшаауа еиҭалҳәоит Лариса. Ҭина Кветаӡе лдунеи лыԥсахит 2011 шықәсазы. Аиааира амш аԥылара Марина лан аҩны днадыртәан, дара дәықәлеит аштаб ахь. Ус дҵас ириҭеит аҩбатәи акомандир Амиран Ҳаџьымба. Ауха уа иҷаԥшьар акәын, адырҩаҽны Очамчыра иалаларц планс ирыман. "Ҩба-ҩба арҭмаҟ ҳаман, 16 кьыла акапануан акы. Аиааира ааигәан аха, Кәачара аиҿахысрақәа цон. Ашьыжь шаанӡа ҳполк еизан, Тҟәарчалтәи амҩахь икылстәуп рҳәеит. Каре – аруаа ирымоуп уи аҩыза аилкаара. Убас ҳҽеидкыланы ԥшьыркца кәакьла 50 метра ҳабжьаҵаны ҳҿынаҳхеит. Ҳара агәҭа ҳдыргылеит, иҳацәшәон азы. Аџьықәреиҭра ҳалсны ҳцон. Ақырҭқәа ахьтәаз аӡәгьы издыруамызт. Ҳа ҳтәқәа равтоматқәа шьҭыхны ицалар акәын аԥсуа еибашьцәа шракәу рдырразы. Нас, Баслахәтәи агәыԥи ҳареи ҳаиқәшәеит Тҟәарчалтәи атрассаҿы. Аиааира еидаҳныҳәалон, аибашьраҿы акәаԥ шыргыламызгьы. Убри аамҭазы Мрагыларатәи афронт аҟынтә иаауан аԥсуаа иртәыз аколонна. Аиааира, аиааира ҳәа еиқәҿырҭуан зегьы. Ус иаҳбеит амедицина-санитартә машьына. Ашәхымс аҿы Гәырам Шьоууа дгылан. Ҳаниба, ҳаидырын даангылт. Сара сызҷаҷак амамазт, Гәырам уи идыруан. Иџьеишьеит аибашьраҿы саниба. Маринеи иареи еибасырдырт иаразнак. "Анаркотикқәа шәымоума ишәызхаша?" иҳәан, акгьы шҳамамыз иаҳҳәеит. Нас, иҳаиҭеит кәалаԥк-кәалаԥк. Иара Гал аганахь дцеит. Ҳара Очамчыра ҳалалар акәын, избанзар ақалақь бзианы иаҳдыруан, машәырла уа инхоз ҳа ҳтәқәа ҭамхарц азын. Ажәытәтәи Тҟәарчалтәи амҩала Очамчыра ҳалалеит. Рнапы ҳанҵаны ҳдыршәуан иаҳбаз аибашьцәа. Акаҭран гәыдаҳкылон ҳгәырӷьаны. Ахысра ҳәа атәыла бгон. Амала, ақалақь аҿы ҳаруаа рыда аӡәгьы дубаӡомызт. Ауаа рҽырҵәахит. Ҳара ашәҭқәа кны иаҳпылоз џьаҳшьон. Ауаа шәон. Ақырҭқәа ирыларҳәеит ачеченцәа рбаталион амҩа иқәуп, зегь шәыхқәа хырсоит ҳәа", - абас илгәалашәоит Лариса Аиааира амш. Аибашьра ашьҭахь Марина Бжьаниа лыԥсҭазаараҿы иҟалеит даҽа еибашьракгьы, лыԥшәмеи лареи 1998 шықәсазы Гал имҩаԥсуаз ахҭысқәа ирылахәын. Ҩышықәса рнаҩс, 2000 шықәсазы лыԥшәма Вахо Буаа Гал араион аҿы адиверсантцәа дҭадырхоит. Лаԥхьаҟа ишьҭан лхәыҷқәа лхала ршьапы рықәыргылара. Аибашьра анцоз "бхәыҷқәа кажьны бабацо" ҳәа лазҳәоз рацәаҩын, ркомандир Лакәыт аԥхьа днаргыланы, аха лара даанымкылеит. © Foto / из семейного архива Ларисы ХаджимбаМарина Бжьаниа лыԥшәма Вахо Буаа Марина Бжьаниа лыԥшәма Вахо Буаа © Foto / из семейного архива Ларисы Хаджимба "Ҳара ҳанхон аснариадқәа заадырхоз апозициақәа ирымариашаны.Сыԥшәма вертолиотла салигаргьы иҭахын схәыҷқәеи сареи. Џьаргьы сцаӡом сҳәеит. Ара сыҟазароуп, ахәыҷқәа ҳҵәахлап сҳәеит", – лҳәоит Марина аԥсадгьыл ахьчара хықәкы хадас ишьҭызхыз. Усҟан 5 шықәса зхыҵуаз лыԥҳа Есма дандуха, лгәалашәарақәа рҿы абас лыҩуеит: "Сара усҟан хәышықәса зхыҵуаз саҳәшьеи сареи ҳауацәа, ҳҭахцәа рҿы ҳаҟан. Сан сааигәа дахьыҟамыз сгәы снархьуан. Бжеиҳан сышҵәуоз ацәа сагон. Аха, сани саби срызгәудууп иахьа, урҭ рыԥсадгьыл рыхьчон"… 30 шықәса ирҭысхьоу аиҩызара Маринеи Ларисеи реиҩызара иахьанӡагьы иааргоит. Сара раԥхьа хықәкыс исымаз Лариса илызкны анҵамҭа аҟаҵара акәын. Аҭел санылзас, исалҳәеит лҩыза Марина Бжьаниа лыда дшақәшаҳаҭымхо. Шамаха, зегь рхы мацароуп иӡырырго, аиашазы, сгәы иахәеит ас аҩыза дахьылзыҟаз сзацәажәоз. "Есыҽны ҳаибабоит уҳәар ауеит", - рҳәоит дара еицҿакны. Ҳазҭагылоу аамҭазы Лариса аибашьра иазкны ашәҟәы аҩра даҿуп, Марина лакәзар, аматериалқәа реизгаразы длыцхраауеит. Ҳаицәажәара ахыркәшамҭазы аветеранцәа ирысҭеит алаф зцыз азҵаара – шәышԥааибуеи Ҳаџьымбеи Бжьаниеи ҳәа. Ари дара аҟырҟырҳәа иарччеит. "Ари бара беиԥш иазҵаауа рацәаҩуп", - саҭаркит рҩыџьагьы. Аибашьра аветеранцәа ражәақәа рыла, дара реиҩызара аполитика аԥырхагам. "Ҳара ҳаиҩызара еиҳауп аполитикатә еибарххарақәа реиҳа", - рҳәеит Маринеи Ларисеи.
https://sputnik-abkhazia.info/20230318/aar-znyz-abira-shkaka-aveterantsa-marina-bzhaniei-larisa-aymbei-rourykh-1044647686.html
2024-03-04T19:26:23Z
<urn:uuid:0cff602f-4679-4978-9c8a-3153604875ab>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.84
0.97
98
58,765
tlsh:T1FFF8F6439A40CB4BC5F3C4AE9FD149326CD1298342627320CEC5F4B516460A8FFFCC23AAFAE806AEA49F6161D152AF147649ECEA157DABD7718200A56D3F39CD279476C1AF
Аԥсны Жәлар Реизараҟны – Апарламент аҟны иҟоу ажурналистцәеи амассатә информациа ахархәагақәа ртехникатә специалистцәеи рзы АԤҞАРАҚӘА I. Азеиԥш ԥҟарақәа 1. Аԥсны Жәлар Реизараҟны – Апарламент (анаҩс Апарламент) аҟны иҟоу ажурналистцәеи амассатә информациа атехникатә специалистцәеи раккредитациазы аԥҟарақәа азырхиоуп ажурналистцәеи амассатә информациа ахархәагақәа (анаҩс АИХ) атехникатә специалистцәеи русуразы зыда ԥсыхәа ыҟам аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы, Апарламент аусуразы информациала реиқәыршәаразы, Апарламенти АИХИ русеицура аиӷьтәразы. 2. Аԥсны Жәлар Реизараҟны – Апарламент (анаҩс Апарламент) аҟны иҟоу ажурналистцәеи амассатә информациа атехникатә специалистцәеи аккредитациа рзухоит «амассатә информациа ахархәагақәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан, абарҭ Аԥҟарақәа, Апарламент аҟны ажурналистцәа русура иадҳәалоу Апарламент егьырҭ анормативтә зинтә актқәа инарықәыршәаны. 3. Ажурналистцәеи амассатә информациа атехникатә специалистцәеи аккредитациа рзухоит Апарламент апресс-маҵзура ала. 4. Ажурналистцәеи амассатә информациа атехникатә специалистцәеи Апарламент аҟны аккредитациа рзухоит акорреспондентцәеи атехникатә усзуҩцәеи раҳасабала. 5. Акорреспондентцәа раҳасабала аккредитациа рыҭахоит Апарламент аусура аарԥшразы ҷыдала аредакциа анапынҵақәа назыгӡо АИХ ажурналистцәа. 6. Атехникатә специалистцәа раҳасабала аккредитациа рыҭахоит ҷыдала АИХ аредакциа атехникатә специалистцәа ателе-, авидео-, афото-, абжьытә аппаратура амаҵ азызуеи ҷыдала аредакциа Апарламент аусура аарԥшразы анапынҵақәа назыгӡои. 7. Аҳәаанырцәтәи АИХ ахаҭарнакцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ирнаҭаз аҳәаанырцәтәи амассатә информациа ахархәагақәа раккредитациазы аршаҳаҭга зауз, иара убас Апарламент аҟны аккредитациа роур акәхоит АИХ акорреспондентцәеи атехникатә усзуҩцәеи раҳасабала.
https://parlamentra.org/ab/novosti/4384.html
2024-02-24T11:57:31Z
<urn:uuid:c96d4d47-e498-4c93-a51a-9eac67e5e03d>
[]
[]
abk-Cyrl
0.98
1
1
9
3,372
tlsh:T10A5987613801CF47C573C01561D2DE366CE4381B4221B6308EC5F4712A6218ADBACC23D7FDE81A8AE4EF1524D9567F05AF0AFED912B82D9760540660AD7E30F4239077EBEE
Аоперативтә Усбарҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат Хада иатәу структуратә хырхарҭоуп. Ари аусбарҭа ауснагӡараан изықәныҟәо акәны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә закәанҧҵареи, аҳәынҭқарра амчра зныҧшуа егьырҭ анорматив-зинтә актқәеи, ашәахтәқәареи, афинансттә-нхамҩеи, аусҧҟақәеи, аинструкциақәеи адҵаҧҟақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалоу. Аоперативтә Усбарҭа ахықәкы хадақәа иреиуоуп: – ашәахтә еилагарақәа рышьақәыргылареи раарҧшреи, рыгәҽанҵареи, раҧырҟәҟәаареи рзы аоперативтә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаареи рымҩаҧгареи; – ААР аинспекциақәа комплекслатәи агәаҭарақәа рымҩаҧгара аус аан ахы алархәра; – Аусбарҭа ашәахтә гәаҭарақәа рграфики аусуратә плани шьақәнаргылоит, ААР аинспекциақәа рыҟәшақәа аусуратә плани агәаҭарақәа рграфики иахьынӡарықәшәо русура хылаҧшра азнауеит; – Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи ирызку азакәанҧҵара ахылаҧшра аҭара арыҕәҕәараҿы азинхьчаратәи ахылаҧшратәи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русмҩаҧгатәқәа рҿы ахы рылархәра; – ашәахтәқәеи егьырҭ аизгақәеи рымшәра, мамзаргьы иааидкыланы ашәахтә закәанҧҵара аилагараан ахатә хаҿрақәеи азинтә хаҿрақәеи ртауар-материалтә хәыдақәа зыҩноу ахыбра ашәқәа рҷабра, аилагарақәа рҽеины рҭыҧ иқәырҵаанӡа; – Агәаҭаратә акт ашьақәыргылара анаҩс, ААР анапхгаҩцәа реиуа иӡбамҭала атауар-материалтә хәыдақәа (атауарқәа, аалыҵ, уб. егь.) ирымнахуеит урҭ ашәахтәшәара иарбамзар.
https://mns-ra.org/ab/central/operational_control/
2024-02-23T19:36:40Z
<urn:uuid:5c1ec368-df75-4c6d-b1a6-272d3ea8e65b>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
9
2,547
tlsh:T1E186FA512840AB9BC1B3C0888691DD361CD2980A4262F6308FC5F1701F91049CBBCD13EEB6F902C964AB0611C2266F655A2FEDD979BC7BE3714280A05E6E78ED37F079C6DD
Европейский Союз в действии: работая на благо более безопасной Европы и более стабильного мира (субтитры на абхазском) Один день из жизни наблюдателя (субтитры на абхазском языке) Аимадара English / ქართული / Русский / Ирон / Аҧсуа / հայերեն / Azərbaycan / Ихадоу Ҳара иҳазкны Амандат Амандат Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом.
https://eumm.eu/ab/about_eumm/mandate/
2024-02-27T05:44:33Z
<urn:uuid:fd36c0f8-6c41-4133-b6d6-703673d183f1>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.8
0.64
0.97
14
2,519
tlsh:T1F008EC515584CB4BC1B3D4A9CA814F346CE2695382117671DD8EB8B21185059EFFCC139ABEE8011BB0EB1911D222BF00690AECDA687DBBE7B04210B16E3E39D9235576C56E
https://sputnik-abkhazia.info/20190930/Agyrei-akhaai-rdaaa-aibashy-Robert-Aashba-ian-lymshyna-1028519363.html Агәырҩеи ахьааи рдаҟьақәа: аибашьҩы Роберт Аҳашба иан лымшынҵа Агәырҩеи ахьааи рдаҟьақәа: аибашьҩы Роберт Аҳашба иан лымшынҵа Sputnik Аҧсны Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз, ҩажәи хԥа шықәса ирҭагылаз аибашьҩы Роберт Аҳашба иҭоурыхи уи иан лгәаҵа иҭаз агәырҩа шаалырԥшуази атәы дазааҭгылоит Сусанна... 30.09.2019, Sputnik Аҧсны 2019-09-30T18:24+0300 2019-09-30T18:24+0300 2019-09-30T18:24+0300 https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102851/93/1028519323_0:29:2000:1159_1920x0_80_0_0_39c482f42a285dbf4a4666cc4ebc7f94.jpg Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 2019 Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Ажәабжьқәа ab_AB Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 1920 1080 true 1920 1440 true https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102851/93/1028519323_0:0:2000:1258_1920x0_80_0_0_d198f1416d1ff536ea3dd09a71cb4405.jpg 1920 1920 true Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Sputnik Аҧсны ажәабжьқәа, аԥсны ажәабжьқәа, аԥсны Агәырҩеи ахьааи рдаҟьақәа: аибашьҩы Роберт Аҳашба иан лымшынҵа 18:24 30.09.2019 © Foto / Сусанна ТанияАҳашба Роберт © Foto / Сусанна Тания Анапаҵаҩра Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз, ҩажәи хԥа шықәса ирҭагылаз аибашьҩы Роберт Аҳашба иҭоурыхи уи иан лгәаҵа иҭаз агәырҩа шаалырԥшуази атәы дазааҭгылоит Сусанна Ҭаниаԥҳа. Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik Дарбанызаалак ауаҩы иоуз ахәра изцәырнагоит ахьаа. Аибашьра иуннаҵаз ахәра ахьаақәа ирхьаауп. Ааи, ирҳәоит аамҭа цацыԥхьаӡа ахәрақәа арӷьоит, абӷажә зхамло акгьы ыҟаӡам ҳәа. Аха ишԥаҟауҵари, уԥсҭазаара иахәҭакхаз уи ахьаа ахаршьҭшьа умамзар, уи уашьцылазар, иутәу акы акәны иуԥхьаӡозар, иҭахаз уҷкәын иҟәырҷаханы ан илзаанхазар акы акәзар! Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа: Аҩӡаа аишьцәа ахәҩык рфырхаҵара>> Убас лыҷкәын еиҵабы Роберт иҭахара зызхымгоз, уи илымкаа адунеи ақәзаара гәнаҳарас изыԥхьаӡоз ан Дусиа Шьынқәба-Ҳашба лхьаа згәыламӡоз лымшынҵақәа хсыртырц сыӡбеит, уи азы заанаҵ лҭаацәа срацәажәаны... "Амцаԥшь алҟьа, аԥсҭҳәақәа хчыла, Аԥсынтәыла анҭахауаз. Ахақәиҭра, аиааира иазықәԥоз, Урылагылан сыҷкәын, нан..." "Шьҭа блала еибамбо, ҿыла изымеицәажәо, сыҷкәын ҟәыбҷа с-Роберт изкны исҩырц сҭахуп ажәақәак..." - далагоит абас ан лымшынҵа. Ашьа зхьыршоу амшынҵа 1 Хәажәкыра 2017, 11:22 "...Аҳашба Роберт Владимир (Палуша) – иԥа диит 1970 шықәса ажьырныҳәамза 1 азы Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан. Ҳҭаацәараҿы дабиԥазаҵәымызт, диман аиашьа еиҳабы Ахра, иаҳәшьа Инга, иара дреиҵыбӡан. Роберт мшызҳа изҳауан, иҭаацәа ҳилагәырӷьон. Аха дшыхәыҷыз агәамбзиара шьҭихит, аҳақьымцәа изларҳәаз, уи ицәа иалан ачымазара "аепилепсиа", алаԥсра ҳәа изышьҭоу. Схәыҷи сареи ҳшьақәа еиқәшәон, ашьа сара исылхны иара илаҵо мацара аҳақьымцәа аԥсра дахдырԥеит, ачымазара даиааит. Деизҳаит, Ԥақәашьтәи абжьаратә школ даналга, дҭалоит усҟан Очамчыра араион Араду ақыҭа иаартыз Арадутәи азаанаҭ-техникатә ҵараиурҭа. Уи даналга ашьҭахь, аррамаҵурахьы иԥхьоит. Аррамаҵура данахысуаз уи ихәыҷра ашықәсқәа рзы имаз агәамбзиара ахы инардыруа далагеит, атәы еиҳабацәа ианеилыркаа фымз рышьҭахь аррамаҵура дақәиҭыртәуеит. Аҩныҟа даныхынҳә, игәамбзиара дахамышшаакәа, иқыҭаҿы ақыҭанхамҩатә техника дақәтәан аусура далагеит. Згәы аартыз, зыблақәа еснагь изхаччоз сыҷкәын Роберт иқыҭауаа рзы ихы деигӡомызт, убри азы бзиа дагьеицырбон. Аинрал игәалашәарақәа 29 Ԥхынҷкәын 2016, 10:34 Ус иааҳадгылеит Нанҳәамза 14, 1992 шықәса ашьаарҵәыреи агәаҟреи зцыз. Аибашьра иалагеит, раԥхьаӡатәи ахысыбжьқәа алаҩҩит Ԥақәашь. "Уаангыл, угәабзира уашәшәыроуп! Уашьеиҳаб дцоит еибашьра, уара аҩны уҟаз" ҳәа аиҳабацәа шиабжьыргозгьы, "са сымцар, егьи дымцар, ҳ-Аԥсынра зыхьчода? Насгьы, мышкызны аибашьра еилгар, зыҷкәынцәа ҭахаз аҭаацәа рыбла сызлаҭаԥшуеи! Уаанӡа ақыҭаҿы атехника сақәтәаны аус зуртә сылшара ыҟазҭгьы, сҩызцәа ахьцо са сызцаӡом ҳәа аҩны сынкылар ԥхашьароуп" иҳәан, раԥхьатәи амшқәа инадыркны Роберт абџьар шьҭыхны, иҩызцәеи иашьа Ахреи днарывагылан еибашьра ддәықәлеит. "Аҳаҳаи, сан, акы бацәымшәан! Иаарласны аԥсуаа аиааира ҳгоит, Аԥсны ахы иақәиҭхоит!" - ҳәа сгәы ирӷәӷәон. Саргьы сгәазхара исзымбацыз сыҷкәын ԥшӡа инаишькласҳәон: "Нан, уҩызцәагьы уаргьы машәыр Анцәа ишәықәимҵааит". Ажьырныҳәа 20 рзы ажәылара ӷәӷәа ҟалеит, аӷацәа Салиаа рхәы иахысны рҽазыршәеит Ԥақәашь ақыҭа рнапахьы аагара. Ақыҭа изалалазҭгьы Ԥақәашьи Тҟәарчали еимаздо амҩа рнапы аҵаҟа иҟалон. Аха Ԥақәашьаа уи алдмыршеит. Ари ажәылараан ақыҭа зыхьчоз дреиуан с-Робертгьы. Уи аҭабиа дҭатәаны аӷа диеихсуан, аҵыхәтәаны аӷацәа рыснаипер иҭирҟьаз ахы игәаҵаӷара иҭашәеит. © Foto / Сусанна ТанияАҳашба Роберт Аҳашба Роберт © Foto / Сусанна Тания Зхәыҷраҟны аԥсра иацәынсырхаз, зарԥысымҭазы ақырҭуа лақәа исцәырфаз сыҷкәын, ажьырныҳәамза 20 рзы иԥсҭазаара ҿахҵәеит. Зегь реиҳа бзиа иибоз иԥсадгьыли иуаажәлари иԥсы рыхҭниҵеит. Аӷа ихымца дҭанархеит, бзиа иибоз, дзыхӡыӡаауаз, иани иаби жәымҭацәгьақәа ҳаԥсы шҭаз. "Бзиала" ҳәа наҳаҳәан, сыҷкәын ԥшӡа сгәазхара исзымбоз, ҳаанижьит. Хашҭра уқәымзааит! Хашҭра шәықәымзааит ҳ-Аԥсны ԥшӡа шьала икәабаны еиқәзырхаз ҳҵеицәа хьӡырҳәагақәа... Сара с-Роберт уҭахеит, у-Аԥсны, уқыҭа ухьчауан. Ԥақәашь, Салиаа рхәы уҭадырхеит, Уани уаби гәырҩа цәгьала ҳдыртәеит. Еҳ, заҟа ицәгьоузеи, Уани уаби рлахьынҵа. Заҟа игәыҭшьаагоузеи, Уҵеи уаԥхьа даныԥсуа. Нан, с-Роберт, снана, Ирацәаҩуп уан леиԥш зылаӷырӡ ҭыкәкәо, Ирацәаҩуп уан леиԥш лахьынҵацәгьала ишоу..." Лыблақәа Аԥсны рхыубаалон: Ирина Сыҷынааԥҳа лгәалашәаразы>> Аибашьра ианалага иқәлацәа дрылагыла зқыҭа, зыԥсадгьыл, зыуаажәлар зыхьчоз Роберт Аҳашба дҭахеит 23 шықәса дшырҭагылаз ажьырныҳәамза 20 рзы аибашьра аилашыкьымҭаз. Иҭахара ашьҭахь иан лыԥсы ахьынӡаҭаз лхьааи, лгәырҩеи, лыгәҭахәыцрақәеи амалдон ихьӡ ала илыҩуаз амшынҵа. Изылкуан лхәатәы ажәеинраалақәа, убри ала маҷк лгәы лҟажон. "Ихәлоит ишоит, са сзы акоуп, Исзеилкаауам сызлоу ашоура. Сызхарагьы ҩра ҟалаӡом – Сызхарагьы ахәыцра. Исхәыцуада, уара, сыҷкәын, Еснагь саԥхьа угыло џьысшьоит. Убжьы хаа сгәы иқәыҩуеит Убла ԥшӡақәа сырхыԥшылоит. Еиҭах снарылагоит сгәаҟрақәа рыҩра, Уи ала аамҭақәа рыхгара..." Уи ихы ахтниҵеит ари адгьыл>> Сынтәа иԥсы ҭазҭгьы Роберт Аҳашба ихыҵуан ҩынҩажәи жәба шықәса. Иани иаби рыдунеи рыԥсаххьеит, рыҷкәын иҭахара ашьҭахь агәамбзиара ҵыргеит, урҭ рыԥсы ахьынӡаҭаз мышкгьы рыҷкәын иӡбахә анырымҳәоз ыҟамызт. Агәаҟра ӷәӷәақәа шырхыргахьоугьы, Ҳашаа рҭаацәара иахьа рхы иахашшаартә иҟам. Аҳашба Роберт иашьеиҳаб Ахреи иаҳәшьа Ингеи ҭаацәароуп, ирымоуп амаҭацәа. Урҭ ирхашҭраны иҟаӡам аибашьҩы Роберт Аҳашба ифырхаҵара, ишырхамышҭуа еиԥш аԥсуа жәлар зегьы аҵеицәа хьӡырҳәагақәа.
https://sputnik-abkhazia.info/20190930/Agyrei-akhaai-rdaaa-aibashy-Robert-Aashba-ian-lymshyna-1028519363.html
2024-03-05T00:14:26Z
<urn:uuid:2558fbe9-0652-4fc1-abe3-57177ed19927>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.89
0.75
0.92
65
11,440
tlsh:T1C76D9732EE80CB4FC6B3C4599F954936ACC1190382B33760CEC6F4B51A42059FFFCC23AEEAE406AAB8AF2265D051AF54640EEDE6257DABD3718240A11C3F2CCD276576C5AF
Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба Аџьынџьуаа азинтәи асоциалтәи цхыраара рыҭаразы ассоциациа активқәеи Аҧсны иҟоу Урыстәыла аџьынџьуаа аурыс еидгылара Аконгресси реизара далахәын Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба Аџьынџьуаа азинтәи асоциалтәи цхыраара рыҭаразы ассоциациа активқәеи Аҧсны иҟоу Урыстәыла аџьынџьуаа аурыс еидгылара Аконгресси реизара далахәын Аҧсны Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини Аџьынџьуаа азинтәи асоциалтәи цхыраара рыҭаразы ассоциациа активқәеи Аҧсны иҟоу Урыстәыла аџьынџьуаа аурыс еидгылара Аконгресси реизара иалахәын. Аиҧылараҟны ирылацәажәан Аҧсны иқәынхо хылҵшьҭрала иаурысу ринтересқәа рыхьчареи урҭ ареспублика асоциалтәи, акультуратә, аполитикатә ҧсҭазаара ралахәреи ирызку хыхь зыӡбахә ҳәоу аиҿкаарақәа русура. Иазгәаҭан Аџьынџьуаа азинтәи асоциалтәи цхыраара рыҭаразы ассоциациа активқәеи Аҧсны иҟоу Урыстәыла аџьынџьуаа аурыс еидгылара Аконгресси Аҧсны Ахадареи Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәареи русеицура иҵегьы еизааигәаны имҩаҧыслароуп ҳәа агәаанагара шыҟоу. Аҧсны Ахада Ихаҭыҧуаҩи Урыстәыла адипхаҭарнакра ахадеи хылҵшьҭрала иаурысу ринтересқәа хаҭарнакра рзызуа аиҿкаарақәа иааиҧмырҟьаӡакәа рҧыларақәа рымҩагаразы агәаанагара иадгылеит. Аизара ахыркәшамҭаз Бадра Гәынбеи Алексеи Двинианини Аҧсны иҟоу урыстәылатәи абжьаҟазаратә контингент аусура иазку афотоцәыргақәҵа иаҭааит. Ацәыргақәҵа автор Владимир Попов напхгара аиҭоит Аџьынџьуаа азинтәи асоциалтәи цхыраара рыҭаразы ассоциациа, Урыстәыла аџьынџьуаа аурыс еидгылара Аконгресс хантәаҩыс дамоуп Геннади Никитченко.
http://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/anounces/13248/?print=Y
2024-02-22T20:24:45Z
<urn:uuid:f700f16b-2f60-4d48-9367-a13103b859c3>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
8
2,935
tlsh:T185C1CD511754CB0FD5F3C4A4CE425F3A5DC1298FC312B261CD85B0A1171605DCEFCC13A1FBF90D4EA4DB0622D616BE146A5AADD219B9BAEB305310A42D3F35E1279836C6AF
Шьалуа Папуашвили – Сара аглобалтә коррупциа азҵаарақәа рзы Америка Аҳәынҭқарратә департамент акоординатор Ричард Непиу иҟны аиҧылара бзиа мҩаҧызгеит, иара Қырҭтәыла апрогресс ибзианы дахцәажәеит 12:23, 04.01.2024 Шьалуа Папуашвили – Илиа II ақырҭуа доуҳатәреи амилаҭтә хдырреи арҕәҕәараҿы хәы змам алагала ҟаиҵеит 20:21, 20.12.2023 Шьалуа Папуашвили – Ахадаратә ҵакы змоу 2 шьаҿак рҟынтә ак ҟаҵоуп, акандидат астатус ҳаухьеит, ҳара активла аусура наҳагӡоит ҳтәыла Евроеидгыла алахәылас иҟаларцаз 14:26, 13.12.2023 Шьалуа Папуашвили – Евроеидгыла иалоу еиуеиҧшым атәылақәа рыбжьара уажәазы имҩаҧысуа адискуссиа Қырҭтәыла иаҧырхагахом, Қырҭтәыла ауааҧсыра аӡбара иаша иазыҧшуп 20:07, 11.12.2023 Шьалуа Папуашвили – Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара астратегиатә партниорра ҳахәаҧшуеит командак аусура аҳасабала 20:31, 10.12.2023 Шьалуа Папуашвили аофициалтә визитла Бақәаҟа ддәықәлеит 18:28, 10.12.2023 Шьалуа Папуашвили – Импыҵахалоу Гал ампыҵахаалара агәымбылџьбара аазырҧшуа ихьанҭаӡоу даҽа фактк ҟалеит 16:05, 10.12.2023 Шьалуа Папуашвили – Европатәи ахеилак Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи ирыдҳәаланы Еврокомиссиа иҟанаҵаз абжьагара иазҧхьагәанаҭап ҳәа ҳгәыҕуеит 17:52, 06.12.2023 Шьалуа Папуашвили – Вашингтон имҩаҧысуа асаммит аан Қырҭтәыла адгылара ҕәҕәа азаарҧшызароуп, Қырҭтәыла, апараметрқәа зегьы рыла алахәызааразы ихиоуп, НАТО аполитикатә аӡбара аднакылароуп 17:33, 06.12.2023 Шьалуа Папуашвили – НАТО Евроеидгыла азнеишьа рхы иадырхәароуп, акритериқәа ҳарҳәароуп, уи аҵакы ду амоуп, избанзар, апрогресс аныҟалалак, дара аӡбара шрыдыркыло аадыруазароуп 17:19, 06.12.2023 Шьалуа Папуашвили НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ диҧылеит 11:26, 06.12.2023 Шьалуа Папуашвили иҽалархәрала Бриуссель имҩаҧысуеит НАТО-Қырҭтәыла акомиссиа аилатәара 16:09, 04.12.2023 Шьалуа Папуашвили - Ҳәарада, Еврокомиссиа аплан аргама ицәыраагоит 14:38, 03.12.2023 Шьалуа Папуашвили – Ҳара еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рҿы егьа апрогресс ҳаургьы, ахаангьы иаҳхамшҭроуп зылшарақәа маҷу ауааҧсыра зегьирзеиҟароу алшарақәа рзеиқәыршәара – есымшатәи ҳусура аҳасабтәқәа ишреиу 12:42, 30.11.2023 Шьалуа Папуашвили – Хара имгакәа ҳара ауснагӡатәқәа рплан аҿы иарбоу зҵаарақәак цәыраагоит 20:06, 27.11.2023 Шьалуа Папуашвили Швециа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц дылҧылеит 19:34, 23.11.2023 Шьалуа Папуашвили – Европарламент алахәылацәа ҭабуп ҳәа расҳәоит Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа рыла Ҭамаз Гентури ишьра ақәыӡбареи Қырҭтәыла ҕәҕәала адгылареи азыҳәан 18:03, 13.11.2023 Шьалуа Папуашвили Австриа Афедералтә хеилак ахантәаҩы дылҧылеит 10:42, 08.11.2023 Шьалуа Папуашвили – Абҵара 8 Илиа Ҷавҷаваӡе имшироуп, насгьы, иахьа Қырҭтәыла Еврокомиссиантә иазыҧшуп атәыла европатәи аҧеиҧш иазку аҳасабырба, абарҭ ахҭысқәа машәырла акәӡам ишеиқәшәаз 22:10, 06.11.2023 Шьалуа Папуашвили – Жәларбжьаратәи апартниорцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит Кирбали ақыҭа иазааигәаны иҟалаз афакт иаамҭаны ақәҿыҭра арҭарц, амыпҵахалара аҵыхәҧҵәара амзызла Урыстәылазы ақәыҕәҕәара дырҕәҕәарц
https://1tv.ge/lang/ab/news_tag/qmr%D2%ADtmla-aparlament-axantauim-sh%D1%8Calwa-papwashvili/
2024-02-27T17:04:28Z
<urn:uuid:1af9852a-1ff6-4209-8adc-319cb2813405>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.87
0.99
23
5,194
tlsh:T1A4FA09B19D08DB1FD4B3C858DF818A31BCD2690243526290CE85F8712A850C8DFFCC13A5F9D8062E70DB1561D122BB215A8DBCF7697EBAF7605901F41D2E7DCE22A876C9DD
Акыр иаҳзаҧсоу, ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Зыда Аиааиара Ду гашьа ыҟамыз, Шәара шәҿаҧхьа ҳхырхәоит ҳаҭыр дула! Иаашәырҧшыз ахамеигӡареи агәымшәареи рыла ҳтәыла, Европа, адунеи зегьы аҭынчра азаажәгеит. Шәара ишәыбзоураны иахьа афашизм ҿаасҭа адунеи аҿы иубаратәы иахьыҟоу афильмқәеи ажәабжьқәеи рыҟны мацароуп. Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Аиааиара Ду 70 ш. ахыҵра аныҳәа! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәырӷьара, аманшәалара!
https://corpora.tika.apache.org/base/docs/commoncrawl3/KK/KKYQXELWLRLYNVJKENUCOHYYBZFJXBUW
2024-03-03T17:22:30Z
<urn:uuid:3c572f8f-9230-4e94-9eec-e6c9eadcd89d>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
4
781
tlsh:T1544D4C012D45DA4BD273C50E9F825A3268D115418641BAA1DECAF5B2074614DFEFCD1295FFDA069A71CB0624C1B0BB54B805EDE61D7CFBE3305150609D3FBEC922657481AE
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит алхрақәа рыҟны ижәгаз аиааира. Ҭырқәтәыла еиҿкаау аҧсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа еиҳабыс шәахьалырхыз, ииашоу ӡбамҭоуп ҳәа сахәаҧшуеит. Шәара аҭакҧхықәра ду зцу амаҵзура аныҟәгара гәрагарала шәнапы ианырҵеит. Агәыӷра сымоуп, шәдырреи шәҧышәеи ирыбзоураны, ҳдиаспореи ҳареи ҳаигәныҩра арӷәӷәара шшәылшо, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ҭырқәтәылатәи Ареспубликеи реизыҟазаашьа амҽхак арҭбааразы ишәылшо зегьы шыҟашәҵо. Аҧсны инхо аҧсуааиҬырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуааи реимадара аԥхьаҟагьы арҿиара аус дуӡӡа қәҿиарала анагӡара анцәа ишәаҭәеишьааит! Аҧснынтә асалам ду шәзынаҭиуа, ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, агәамч, шәнапы иану аус ҧшьа аҟны аихьӡарақәа! Шәҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны шәбара ҳаигәырӷьоит!". Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16095/
2024-02-21T15:27:40Z
<urn:uuid:a5b53abe-84a5-4029-bbc7-dad8fe334cfe>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.83
0.83
0.95
12
2,233
tlsh:T191367F41AF80D78BD6B3C49ADB525E3A68D0240647517660DECDF1B11782199EBFCC13A6FBD5050BB4D71521C162BF14AC4DFDE728BDA2D3705244612C3FBCD823A439C16E
Ҭеимураз Купатаӡе иҳәамҭала, атәыла зехьынџьара имҩаҧысуа аоперациа ҷыда аҳәаақәа ирҭагӡаны, иаанкылоуп 20ҩык иреиҳаны анаркотикқәа рыҭиҩцәа 19:29, 16.05.2023 Амедиа адыррала, италиатәи аполициа 800 миллион евро рыхә акокаин ала иҭәыз аҕба ааныркылеит, ари аҕбала анаркотикқәа Италиантә Шәамахьтәылаҟа анагара ргәы иҭан, Баҭымтәи абаҕәаза ахархәарала 11:56, 30.03.2023 Ҭеимураз Купатаӡе - Уажәазы атәыла зехьынџьара жәаҩыла анаркотикқәа рыҭиҩцәа аанкылоуп, амш анҵәамҭанӡа ҩынтә еиҳаны иаанаҳкылоит 13:00, 20.12.2022 Ҭеимураз Купатаӡе - Атәыла иахьынӡанаӡааӡо, зехьынџьара аусеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаҧысуеит, еиуеиҧшым ақалақьқәа рҿы, Қарҭгьы, анаркотикқәа зҭиуаз 20ҩык раҟара аанкылоуп 12:25, 20.12.2022 Ҧониҷала аоперациа ҷыда мҩаҧысуеит 11:30, 13.08.2022 Аполициа хаҭарнакцәа анаркоацәгьауразы аӡәы дааныркылеит 15:56, 28.07.2022 Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра - Аполициа аусуҩцәа анаркоацәгьауразы 20-ҩык ааныркылеит, урҭ иреиуоуп 14-ҩык анаркоҭиҩцәа 13:43, 28.07.2022 Ҧониҷала азинхьчаҩцәа даҽаӡәы дааныркылеит 10:29, 28.07.2022 Ҧониҷала аоперациа ҷыда мҩаҧысуеит, аӡә даанкылоуп 17:04, 06.10.2021 Адукат иҳәамҭала, Михаил Саакашвили, ажурналистцәа рҿаҧхьа, иарбанзаалак анаркотик азы атест аҟаҵара дазыхиоуп 15:33, 27.09.2021 Апартиа "Қырҭтәыла адгыларазы" ахаҭарнакцәа апрокуратура иадҵаалт Иракли Кобахиӡе Гьаргь Гахариа изы иҟаиҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы аусеилыргара иалагарц 18:23, 05.03.2021 Вахтанг Гомелаури – Анаркотикқәа рыҭиаразы ахьырхәра арџьбара сақәшаҳаҭуп 14:43, 03.08.2020 Аҩнуҵҟaтәи aусқәa рминистррa aрыҩшьыга зҭиуaз aуaa aaныркылеит, урҭ aцәгьaурaтә схемa aлa 2 миллион лaри еиҳaны aҧaрa роуит 16:15, 15.06.2020 Екa Беселиa aнaркотикқәa рхaрхәaрaзы ибaaндaҩу aуaaҧсырa рaмнистиa иaзку aзaкәaнҧҵaрaтә ҧсaхрaқәa рыдкылaрa aҧшьгaрa лгәы иҭоуп 18:17, 26.04.2020 Ақырҭуеи aмерикaтәи aзинхьчaҩцәa Бaҭым aоперaциa ҷыдa еицымҩaҧыргеит – иaaнкылоуп ҩыџьa aуaaҧсырa, 40 кьылa aнaркотик рымхуп 14:21, 14.11.2018 Еицырдыруa aнaркобaрон «Ел Чaпо» ишaaицҳaз aлa, Мексикa aхaдa aҵыртышa изишәон 11:25, 18.10.2018 Интерпол 93 ҳәынҭқaррa рҿы 55 тоннa aнaркотикқәa aaнaрҧшит 17:13, 05.08.2018 Илиa aҩбaтәи – Анaркотикқәa рхaрхәaрaзы aзин aшьaқәырҕәҕәaрa ҳaжәлaр aцәгьaрa рзеиҕьaшaрa aуп иaaнaго 15:08, 21.05.2018 Индиa, ҧҳәыск лымгәa иҭыргеит 106 кaпсулa aкокaин 16:59, 18.05.2018 Гьaргь Гaхaриa – Клубк aҿы aнaркотик иҭиуaн aхьчaрa aиҳaбы, aри aфaкт лaбҿaбa иaҳнaрбоит aнaркореaлизaторцәеи aклуби aсистемaтә еимaдaрa шрыбжьaз
https://1tv.ge/lang/ab/news_tag/anarkotikqa/
2024-03-02T00:40:17Z
<urn:uuid:0d6333a3-eca3-4a99-b9b2-fd3f763a43dc>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.65
0.61
0.91
23
4,076
tlsh:T1483E8B81E005CB4FC1B3D95D9A924A7A5DC0FC5FC3322128CED4B4A01640418DAFC912ACBDF8064EF0DB2A12E165FF04661AEDE72DBE7EF6B15210606D7FB4DA2660B5C69E
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Аоперативтә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара амаҵзуреи Иҷыдоу анапынҵа змоу ацентри хаҭалатәи реилазаара хамеигӡарада имҩаԥырго аԥсадгьыл амаҵзуразы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп. Арҭ амаҵзурақәа ирныԥшуеит апрофессионализм ҳаракы, лҵшәа бзиала аусура, аҭакԥхықәра, арратәи алеишәатәи зыҟаҵара. Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа ршәарҭадара ахылаԥшреи аконституциатә шьақәгылашьа ахьчареи – аҳәынҭқарра ашәарҭадара асистемаҟны акрызҵазкуа акы акәны иҟоуп. Ари ауснагӡатә шәара анагӡара шәылшоит ҳәа азгәасҭарц сҭахуп. Аԥсны жәлар рзы аҵак ду змоу Аиааира амш азгәаҭара аламҭалазы ҳара иаҳгәалаҳаршәоит ҳфырхацәа, змаҵура анагӡараан иҭахаз ашәарҭадаратә усбарҭақәа русзуҩцәа. Урҭ хашҭра рықәым! Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аилазаара аусзуҩцәа зегьы ирзеиӷьасшьоит ахачҳара, аихьӡарақәа имҩаԥырго аусураҟны. Агәабзиара, аҭынчра, аизҳазыӷьара хаҭала, ҩнаҭала». Аусмҩаԥгатә иалахәын Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, ашәарҭадара азҵаарақәа рзы Ахада иабжьгаҩ Рауль Лолуа, амчратә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15944/
2024-03-02T15:44:06Z
<urn:uuid:a744bed6-151a-4ea1-8c10-477527bea426>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.87
0.86
0.96
14
2,888
tlsh:T1D36E9B515940E78BD673C099DAC18E306CD168464332B760CE8DF5F14685048EBBCE13E6FFE9144B74F70661D622BB15A90DEEEA64BD6BD3708250A1382F78CC239176D2AE
Аҩызцәа, гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит ашкол аҿы шәҵара ахыркәшара. Ара иҟоуп ахьи араӡны медалқәеи рыла иалгаз, қәҿиарала зҵара хзыркәшаз. Ҳәарада, ари ус дууп. Акыр иаԥсоу аушьҭымҭацәа, иссиру, хашҭшьа змам ашколтә шықәсқәа шәышьҭахьҟа иншәыжьит. Шәаҧхьаҟа ишәзыԥшуп аинтерес зҵоу амҩақәа. Шәыгәҭакқәа рынагӡара шәашьҭаз, усҟан хымҧада зегь шәықәҿиоит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит шәырҵаҩцәа,шәҭаацәа. Шәара шәеиҧш, дара рызгьы иахьатәи амш акраҵанакуеит. Сгәы иаанагоит шәыҧсҭазаара здышәҳәаларц шәҭаху азанааҭқәа алышәххьеит ҳәа. Ижәдыруазарц сҭахуп шәара ишәшәыдҳәалоу ҳаҧсадгьыл аҧхьаҟатәи аҧеиҧш, агәыӷрақәа. Даҽазныкгьы Аԥсны ашколқәа роушьҭымҭацәа зегьы ирыдысныҳәалоит ашкол алгара. Ишәзеиӷьасшьоит шәыгәҭакқәа рынагӡараҟны аихьӡарақәа. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/14722/
2024-02-24T23:18:43Z
<urn:uuid:be226c71-56c1-414b-b071-6043b691c875>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.83
0.85
0.95
13
2,224
tlsh:T172CB98418944DBCBC6B3C59EDB824E3868C5194652627AA08EC9F4B11391058EBFCD13E6EFE5154A75E70165D0A2BB24B84AEDDB287CA7C3305240622C2FBCCD27BA36C15E
Аилацәажәара иалахәын Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба, Акультуреи аҭоурых –культуратә ҭынха ахьчареи рминистр, акультуреи аҭоурых –культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ, адепартамент аиҳабы Баҭал Кобахиа, адепутат Ахра Бжьаниа, Апрокурор хада актәи ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Аршба, Ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа, Ахада иусбарҭақәа реиҳабацәа Давид Сангәлиа, Иракли Хынҭәба, ақалақьқәеи араионқәеи рнапхгара. Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара аартуа, иазгәеиҭеит Аҧсны аҭоурых –культуратә ҭынха рбаҟақәа рҭагылазаашьа шыбааҧсуа атәы. «Ҳбаҟақәа реиҳарак иаартны иуҳәозар, иҧхасҭатәуп. Атәыла аҭоурых-архитектуратә хаҿра ацәыӡра иаҿуп. Аҿыцаҧшьгаҩцәа цәырҵит, аныхабаақәа џьоукы ирыхьыз аилкаара уадаҩхеит. Аобиектқәа гәымбылрала, мдыррала ахырбгалара иаҿуп. Арҭ азҵаарақәа даара хылаҧшра рыҭатәуп. Иеилыргатәуп аобиектқәа зтәызтәыз дызусҭоу, насгьы урҭ рхатәтәра шыҟалаз, шьаҭас иамоу, априватизациа анрызуз урҭ ирықәыз ахәҧса. Арҭ аобиектқәа рзы ҭакҧхықәра зду иақәнагоу аҧҟарақәа ирықәныҟәароуп. Апрокуратура иадысҵоит аилагарақәа ҟазҵо ирықәнагоу иақәдыршәарц, иаҭаххар ашьауҕатә усгьы хацыркзарц», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба. Аилацәажәараҿы аҭоурых -культуратә ҭынха аҳәынҭқарратә хылаҧшреи, ахьчареи, ахархәареи, аиҭашьақәыргылареи, апропагандарзуреи хықәкыс иҟаҵаны, ирыдгалан аҭоурых -культуратә ҭынхазы иаку аҳәынҭқарратә сиа аҧҵара. Ахада араион анапхгарақәа ирыдиҵеит ари асиа ашьақәыргылараҿы Акультуреи аҭоурых –культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ганрацәала ацхыраара рырҭарц. Иазгәеиҭеит, аҭоурых –культуратә ҭынха аобиектқәа рҳәынҭқарратә сиа аинвентаризациа азуразы Аҳәынҭқарратә хықәкыхаҭалатәи апрограмма аҧҵара шаҭаху. Акультуреи аҭоурых –культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ Баҭал Кобахиа иазгәеиҭеит Ахада иҟаиҵаз ажәалагала иаамҭаны ишыҟаҵоу. Уи иажәақәа рыла, ишьақәырҕәҕәоу асиа Аҟәа ақалақь ала мацароуп иҟоу. Иара 295обиект еиднакылоит, егьырҭ Аҧсны араионқәеи ақалақьқәеи рыҟнытә ишьақәырҕәҕәоу асиа ыҟаӡам. Араионқәа рнапхгаҩцәа рышҟа аҳәара ҟаиҵеит ас еиҧш асиа азырхиаразы. «Даара акраҵанакуеит хара имгакәа Ахада иусҧҟала иаку асиа ашьақәырҕәҕәара, уи аҧхьаҟа аинвентаризациа азухоит, иацҵаны аусгьы адулахоит. Иахьагьы иҟоу асиа шьақәырҕәҕәазар, ҳара иҳалшоит аҭоурых –культуратә ҭынха аобиектқәа ирызку азакәанҧҵара еилазго аҭакҧхықәра рыдҵара”, - иҳәеит Баҭал Кобахиа. Уи иазгәеиҭеит иара убас иҟоу азакәанҧҵара арҽеира шаҭаху асанкциақәа рырҕәҕәара аганахьала. Иақәнагоу ажәалагалақәа шыҟаҵахо Аминистрраҟнытә ҳазҭоу ашықәса нҵәаанӡа. Ельвира Арсалиа ажәалагала ҟалҵеит Аминистрцәа реилазаараҟны амонументалтә ҟазара иазку Аҳәынҭқарратә комиссиа аҧҵаразы. «Акомиссиа ахықәкы хаданы иҟалароуп аҳәынҭқарраҿы иргылахо абаҟақәа, абаҟатә дыргақәа, амонументқәа ридеиеи рсахьаркыра аҳаракыреи ахылаҧшра рыҭара. Уи аилазаараҟны иҟазароуп 13 – ҩык - архитекторцәа, аҟазараҭҵааҩцәа, ауаажәларра ахаҭарнакцәа - абаҟақәа, абаҟатә кыдҩылақәеи ирызку апроектқәа зегьы уи акомиссиа ашҟа инеилароуп. Акомиссиа иааиз ажәалагалақәа ирыхәаҧшны абжьгарақәа ҟанаҵоит, алкаагьы азнархиалоит», - лҳәеит аминистр. Ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа акомиссиа аҧҵара дақәшаҳаҭхеит. Иара убас уи иҳәеит Аҧсны иналукааша ауаа, ашәҟәыҩҩцәа анышә иахьамадоу апантеон аҭагылазаашьа шыбааҧсу, хылаҧшра шаҭаху. Адепута Ахра Бжьаниа иазгәеиҭеит аҭоурых –культуратә ҭынха аобиектқәа аҳәынҭқарра амалқәа ируакны ишыҟоу. Баҭал Кобахиа дазааҭгылеит Аминистрцәа реилазаара 2010 шықәсазтәи ақәҵарала адинтә еиҿкаарақәа ҿҳәарада аҭоурых –культуратә ҭынха аобиектқәа, хаҭала аныхақәа рхархәарахь риагара алзыршаз. Уи иажәақәа рыла, абри ақәҵара арҭ абаҟақәа рыхьчара алнаршаӡом. Ахада иазгәеиҭеит, арҭ аобиектқәа ажәлари аҳәынҭқарреи ирхатәны ишыҟоу, даҽакала урт рызнеишьа шыҟамло. Рауль Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит Апрокуратура хада закәандарыла аҭоурых –культуратә ҭынха аобиектқәа рхархәара азҵаара хылаҧшра арҭарц. Ахада иҳәеит ари азҵаара аҵак ҷыда аҭаны дшазнеиуа. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2214/
2024-02-29T07:35:42Z
<urn:uuid:2f9d4fa5-fb4b-481b-ae19-7245093b676f>
[]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.89
0.98
18
8,078
tlsh:T1ACA321F18780CB4BC6B3C098DBD08E396CC168068732B671CEC9F1B11686059EFFDD13AAF9F81546B0FB1511E126BF14664EECEA297D6AC7205200A12C3F79DD27A476D2AD
Инал Арӡынба: Аԥсны АдәАР USAID инагӡаны ма ахәҭакахь ала аԥара ззоунажьуа апроектқәа аднакылом | Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра Аb • En • Ru • Tr Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ministry of Foreign Affairs of the Republic of Abkhazia Menu Аминистрразы Аминистр Аминистр ихаҭыԥуаа Аилазаара Азинмчрақәа Аофициалтә символика Адипломатиатә рангқәа Аҳамҭаҭара Ҳара шәыҽҳамажәда Ажәабжь ҿыцқәа Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Анотақәа Женеватәи аиҿцәажәарақәа Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Архив новостей Афотосахьақәа Авидео Адәныҟаполитикатә усура ахҳәаа Адәныҟатәи аполитика Аԥсны жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемаҟны Аԥсны иҟоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Аконсултә маҵзура Атәыла алаларазы азин Визада атәыла алалара Аконсултә еизгақәа Лассы-лассы иҟарҵо азҵаарақәа Аргаматәра Аккредитациа Аҳәынҭқарратә протокол адепартамент Адепартамент аусмҩаԥгатәқәеи ахықәкқәеи Аккредитациа амҩаԥгара Анкета для аккредитации Полезная информация Иҵоуроу аинформациа Аԥсны иазку азеиԥш информациа Аҳәынҭқарратә шьақәгылашьа Аҳәынҭқарратә символика Аҭоурых Акультура Аҳәынҭқарратә ныҳәақәа Иҵоуроу азхьарԥшқәа Поиск по сайту Инал Арӡынба: Аԥсны АдәАР USAID инагӡаны ма ахәҭакахь ала аԥара ззоунажьуа апроектқәа аднакылом 7 December 2023 43 Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аус рыднауылеит Аԥсны иҟоу жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәеи ЕАР амаҵзурақәеи иареи реинырра азнеишьа ҿыцқәа. Асеиԥш азнеишьа ҵаҵӷәны иамоуп русура аамыртра, Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь инанашьҭуа аинформациа аиашамра, апроектқәа рынагӡаразы рдыррақәа рыԥаршеира. Аминистррахь инашьҭын ЕАР аҿиара Апрограмма апроект анкета аминистрра ақәшаҳаҭра аиуразы. Апроект адонарцәа ракәны иҟоуп USAID (жәларбжьаратәи аҿиараз ЕАА амаҵзура, ЕАА аҳәынҭқарратә департамент анапаҵаҟа иҟоуп). Апроект абиуџьет 8 млн. доллар иҟоуп, анкетаҿы иарбаз апроект ахықәкқәа гәҭакрыла еилартатоуп. Апроект апрактикатә мҩаԥгараан иааԥшит онлаини офлаини аформатқәа рыла Аԥсни Қырҭтәылеи ртәылауаа реинырра амҩаԥгара хықәкны ишамаз. Азхьаԥшра аҳҭоит ЕАА аҳәынҭқарратә мчрақәа рсаитқәа рҿы ишыркьыԥхьуа Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә шәарҭадара ҵызшәаауа аинформациақәа. USAID аофициалтә саит аҿы ишьақәырӷәӷәоуп USAID-и ЕАР аҿиара Апрограммеи русеицура. Аус еицыруеит ҳтәылаҿ имҩаԥысуа апроект «Партнерство для устойчивости» аҿгьы. USAID асаит аҿы ари апроект азы иҳәоуп: «USAID апрограмма «Партнерство для устойчивости» Аԥсни Қырҭтәылеи руааԥсыра реинырра алзыршо ԥшьгамҭоуп. ПРООН-и USAID-и Урыстәыла аоккупациа зызнауа Аԥсны ацхыраара арҭоит, COVID-19 аиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раан ацхыраара ҟарҵоит, азхьаԥшра арҭоит аекономикатә еимадарақәа рыҟазаара. USAID-и аҭыԥантәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәеи, Қырҭтәыла аиҳабыреи ЕАР аиҿкаарақәеи иаԥырҵеит апрограмма Урыстәыла аоккупациа зызнауа Аԥсны аусуразы. Апрограмма мҩаԥыргоит ПРООН, ФАО, ИуНИСЕФ, ИуНФПА, «ООН-женщины» аҳәаа зыбжьоу аганқәа руааԥсыра рыбжьара аекономикатә, асоциалтә, азанааҭтә еимадаразы. Иаԥҵоу аимадарақәа Кремль анырра дырԥсыҽуеит, ҭынчмҩала аинышәара алшамҭа арҭбаауеит». Абас ала иазгәаҳҭоит Аԥсны АдәАР ахь инашьҭыз апроект анкетаҿы иарбаз зынӡа иҽакыз ахықәкқәа шракәыз. Аԥсны аусура мҩаԥызго ЕАР амаҵзурақәа АдәАР имҩаԥырго апроектқәа рганахь ала аиаша арҳәом, Қырҭтәыла аполитика Аԥсны амҩаԥагразы аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы. Ари шьақәнарӷәӷәоит амаҵзура асаит аҿы икьыԥхьу USAID аофициалтә стратегиа. Аԥсны ари адокумент аҿы "аоккупациа зызуу Қырҭтәыла ахәҭоуп" ҳәа ауп ишазгәаҭо. ПРООН, ФАО, ИуНИСЕФ, ИуНФПА, аилазаара "ЕАР- аҳәса" Аԥсны аекономикатәии аполитикатәии ҿиара актуалтә тенденциақәа рганахь аоа аинформациа анализ ҟарҵоит. Хыхь иарбоу аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа, ррегионалтә хаҭарнакцәа Аԥсны аеконмикатәии аполитикатәии ҿиара анализ ҟарҵоит. Абри хықәкны иҟаҵаны ауп USAID 2021 шықәсазы Аԥсны изаҭааз. USAID асаит аҿы икьыԥхьуп уи ахҭыс азтәи ажәабжь: «Ари ЕАА анапхгара Қырҭтәыла арегион – Аԥсны ахь рныҟәара акәын. Аныҟәара иаанарԥшуан ЕАА арегион аҿиареи уа инхо ауаа Москва рахьыԥшреи ринтерес шрымоу». Иазгәаҭатәуп ЕАА аҳәынҭқарратә мчра USAID ЕАР аофициалтә ҟәша UNDP Аԥсны аҵакыраҿы имҩаԥнаго аусура алегализациа азуразы ахы ишанархәо. ЕАР аҿиара апрограмма аԥара рзоунажьуеит аԥснытәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа миллион долларла ҳәа иҳәеит аминистр. USAID оаофициалтә саит аҿы икьыԥхьуп иара убасгьы аинформациа, 2022 шықәсазы Кавказ USAID амиссиа анапхгаҩ ҿыц Џьон А. Пеннел изы. Иара инысмҩаҿы иазгәаҭоуп Украинеи Беларуссиеи рҿы USAID адиректор ихаҭыԥуаҩыс дшыҟаз 2015-2019 шықәсқәа рзы. арҭ аамҭақәа рзоуп Украинеи Беларуссиеи рҿы НПОқәа цәырҵуа ианалага. Урҭ активла атәылақәа рыҩныҵҟатә усқәа рхы рыларгало иалагеит, ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа шьақәырҟьон, атәылақәа рнапхгарақәа рахҳәара рҽазыршәон. Апатын Пеннел арҭ ахҭысқәа рыгәҭаҵәҟьа дгылан. USAID амеханизмқәа рхархәарала Украина арбџьар мчқәа рзы аԥаразоужьра мҩаԥысуеит. Ари Аԥсны аҩыза-тәыла Урыстәыла иаҿагылоит, арратә операциа ҷыда иалахәу аԥсныуаа ирҿагылоит. Убри аан арҭ мраҭашәаратәи аилазаарақәа Аԥсны агуманитартә проектқәа нарыгӡошәа рхы аадырԥшуеит. USAID Урыстәыла аусура аанкылоуп 2012 шықәса раахыс, Ареспублика Беларусь аҿы – 2019 шықәса раахыс. Урыстәылеи Беларуссиеи рҟынтәи ҳколлегацәа ргәаанагарала НПОқәа русура ззырхо аиашьаратә жәларқәа асал рыбжьаҵароуп, рҭоурыхқәа реиҭакроуп, рыҿиара аҿагылароуп. Ҳара ҳҭоурых аицакра атәы уазааҭгылозар – Қырҭтәыла иҟоу ЕАА Ацҳаражәҳәарҭа аофициалтә даҟьаҿы цәыббра 27 азы икьыԥхьын аинформациа: «Урыстәыла адгыларала Аҟәа акаҳара 30 шықәса ахыҵра амш аҽны Алан Персели ЕАА аррамаҵзурауааи 1992-1993 шықәсқәа раан иҭахаз ргәаладыршәеит» ҳәа. Акьыԥхьымҭаҿ иазгәаҭан: «Ҳара иаҳгәалашәалоит 1993 шықәса цәыббра 27– Аҟәа акаҳара амш». Иарбоу афактқәа инарыдҳәаланы иҳадаҳкылоит аӡбра: 1. USAID Кавказ иҟоу арегионалтә напхгаҩы Џьон Пеннел Аԥсны персона нон грата ҳәа дшьоуп. 2. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра USAID инагӡаны ма ахәҭакахь ала аԥара ззоунажьуа апроектқәа асертификациа рнаҭом. 3. Ареспубликаҿ иара убасгьы рзин ҟаҵахом Аԥсни Қырҭтәылеи ртәылауаа рыбжьара аимадарақәа рышьақәыргылара иазырхо апректқәа рынагӡара. 4. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахықәкқәа знымԥшуа зинформациа иашам апроектқәа аднакылом. 5. Ареспубликаҿ иара убасгьы рзин ҟаҵахом Аԥсны аҩныҵҟатәии адәныҟатәии усқәа хықәкны измоу амедиапроектқәа. 6. МНПО-и ЕАР амаҵзурақәеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәшаҳаҭхарц иадыргалалароуп аҭыԥантәи еиҳабыратә аиҿкаарақәа рзы аԥаразоужьрақәа, иззеиқәышаҳаҭу апроектқәа рҳәаа иҭагӡаны имҩаԥырго ауснагӡатәқәа рзы адыррақәа. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ԥхьаҟагьы иԥнарҟәҟәаалоит Аԥсны аҩныҵҟатәи апроцессқәа ахрылагалараз аҽазышәарақәа, иара убасгьы мап рыцәнаклоит амилаҭтә шәарҭадара аԥырхага азҭо апроектқәа рынагӡара.
http://mfaapsny.org/allnews/news/statements_speeches/zayavlenie-ministra-inostrannykh-del-respubliki-abkhaziya-inala-ardzinba11/
2024-02-25T09:39:40Z
<urn:uuid:a160c34a-240a-4b80-81dd-7aa1b62d3428>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.9
0.97
67
12,395
tlsh:T16F0508427740CB4BC573C0589A91CD356CC1A8178272B370CEC9B471164218DEFFCD12EAFAE8194A74AB1521EA52BF156A0EFCE924BD6FD7718201A16D3F34DD2B6873D6AE
Знык адамхаргьы, Жәыргьыҭ Ҭамар аҳҧҳәыс лымҩа шәанылар, шәылаҧш иааҵашәоит архитектура ҷыдала иргылоу ахыбра, уи шәгәынкылараҿы иаанхоит - 5 еихагылак змоу, акьырмыт иалху абааш. Уи "Афольклор аҩны" ауп, аетнографиатә музеигьы аҳостельгьы ахьӡуҵар ҟалоит. Иара убас, Жәыргьыҭ ари аҩны колхидатәи абааш ҳәа иашьҭоуп. Абраҟа хаҵак дынхоит - Бесик Ҷиҭанава, иара иакымкәа азанааҭқәа қәҿиарала еилеигӡоит. Афольклорист, адирижиор, жәлартә напҟазара азҟаза, абаҳчаааӡаҩы-декоратор, ачысҟаҵаҩы, ажәытә маҭәарқәа реизгаҩ ихәыҷраахыс дзызгәышьыз аҩны аргылара далагеит 2008 шықәсазы. Апандемиа иҧырхагахеит, ари аус аҵыхәанӡа изнеимгеит. Аха, уезгьы, иеиҿикааз 2 еихагылак рҿы атәым асасцәа рхы маншәаланы ирбоит. "Афольклор аҩны" еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтә иазгәыку аҭааҩцәа амоуп. "Сара соуп афольклор аҩны зыргылаз. Аинтериер, аеқстериер, адизаин уҳәа, зегьы схала иҟасҵеит. Сҩызцәеи суацәеи сыцхраауан. Фактла иуҳәозар, ашәа ҳәо аҩны ҳаргылеит. Сасык даҳҭаауеит, хынтә даахьеит, Қырҭтәыла сааны абрахь смааир ҟалома ҳәа иҳәоит, абри аҭыҧ убас бзиа ибоит. Абра алак, ашәыгақәа ҳәа, акымзарак схы иасмырхәит, акьырмыт мацароуп. Ҳасас ишиҳәо ала, абра, аҭынчраҿгьы, амузыка абжьы уаҳауеит", - иҳәеит аҧшәма. Аҵыхәтәантәи ҩышықәса рзы, апандемиа амшала, Бесик Ҷиҭанава иҩнаҿы асасцәа маҷхеит, аха, игәы каижьуам. Игәалаҟазаара аныцәгьоугьы, иара ихаҭеи егьырҭ ауааҧсыреи ргәы ирҿыхырц азыҳәан ашәаҳәара далагоит. Ажәытә агыруа ажәеинраалақәа рыла иара ииҩыз ажәақәа роуп бжеиҳарала инаигӡо. Арҳәагақәа рацәаны имоуп. Апандемиа аан жәлартә напҟазара аҟаза бзиа иибоз аус игәалаиршәан, ақәҵара далагеит. Афольклор аҩны аҭӡамцқәа дырҧшӡоит иара ихала асахьақәа қәҵаны иҟаиҵаз аныхақәеи апеизажқәеи. Бесик Ҷиҭанава иусумҭақәа аҳәаанырцәҟа иганы, ацәыргақәҵа еиҿикаар иҭахуп, избанзар, аҳәаанырцә иусумҭақәа иаҳа еиҕьны иҭиуеит ҳәа игәы иаанагоит. Ишиҳәо ала, ҭагылазаашьа хәыҷы-хәыҷла еиҕьхоит, уажәшьҭа гәҽанызаарыла, арегулиациақәа рыла, аха, уезгьы асасцәа рыдкылара илшоит. Сынтәа агәырҕьара ҷыда инаҭеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан лвизит. Лара уаанӡагьы знык "Афольклор аҩны" даҭаахьан. Абри аҩны архитектура мацара акәӡам ҷыдарас иамоу. Аҧшәма ҷыдала асасцәа идикылоит. Аҭааҩцәа рҿаҧхьа, ажәытә агыруа методқәа рыла агыруа чыс рзыҟаиҵоит. Иаҳҳәап, гебжалиа иагәылаҵатәу ашьыхәи еиуеиҧшым ахәсхәеи ажәытәӡатә колхидатәи ахаҳә - аҳаҟьа аҿы иххуеит. "Абри [аҳаҟьа] колхидатәи акультура иаҵанакәеит. Фактла иуҳәозар, колхидатәи ачысҟаҵара ахаҳтә аамҭа инаркны иалагоит", - иҳәеит Бесик Ҷиҭанава. Иара ихаҭа асасцәа колхидатәи акультуреи атрадициақәеи ирызкны ирзеиҭеиҳәоит. "Афольклор аҩны" аҿы иҟоу амаҭәар цыҧхьаӡа ахатә ҭоурых амоуп. Урҭ реиҳара Гыртәыла ақыҭақәа рҟынтә иааигеит. Аколлекционер амаҭәарқәа реизгараҿы иҩызцәа ицхраауеит. Бесик Ҷиҭанава аҳәаанырцәынтәгьы аинтерес зҵоу амаҭәарқәа ҳамҭас изааргоит. Ихаҭагьы аҳәаанырцә даныҟоу еиуеиҧшым амаҭәарқәа ааихәоит. Аҩбатәи аихагылаҿ адкыларатә уада арҧшӡоит Франциантә иааигаз ажәытәӡатә ашьқьаҧ. "Абри ашьқьаҧ аҩадатәи Франциа саныҟаз афранцыз ҧҳәыск ҳамҭас исылҭеит. Ишсалҳәаз ала, ланду хаҵа данҵоз абри ашьқьаҧ лыцырҵеит. Аҧҳәыс лхаҭа 92 шықәса лхыҵуан, нас, абри ашьқьаҧ иахыҵуа шәхаҿы ишәзаагома", - иаҳзеиҭеиҳәеит Бесик Ҷиҭанава. Апандемиа амшала ицәырҵыз апроблемақәа дырмыхәаҧшкәа, "Афольклор аҩны" аҿы аиҭакрақәа рымҩаҧгара дазҿлымҳауп. Жәлар рашәақәеи аҭыҧантәи ачысҟаҵареи амастерклассқәа инрываргыланы, Бесик Ҷиҭанава аҭааҩцәа ирыдигалоит ақәҵара аурокқәагьы. Убри адагьы, имаҷымкәа апланқәа имоуп. "Афольклор аҩны" изаанаго аҧара зегьы уи аҿиареи аргылареи иалеиҵоит. Абааш хыхьтәи аихагылақәа ирҽеиуеит, иара убас, агәараҿы аҩцара аргылара даҿуп, уаҟа колхидатәи ажьхкқәа ирылхны аҩыҟаҵара дагалар иҭахуп. Ҭамар Занҭараиа Ҭамар Занҭараиа Лаивпресс аҿы ажурналистс аус луеит 2011 шықәса инаркны. Аполитикеи, ауаҩытәыҩса изинқәеи, акультуреи, аспорти азҵаарақәеи егьырҭ ахҭысқәеи аалырҧшуеит. Қырҭтәыла ажурналистикатә етика ахартиа далахәып. Ари aмaтериaлқәa 10:33 / 20.10.2021 „Чеми морду“ - зықәрахь инеихьоу ауааҧсыра рзы арегион аҿы иаадыртыз раҧхьатәи ацентр аус ишауа [афото] Aмультимедиа Ахәмарраҿы зегьы раасҭа сманшәалоуп, еснагь аиааира згоит, - 09:12 / 19.10.2021 Ашколахь асабрадала - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит [афото] Aмультимедиа Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа, 11:48 / 12.10.2021 В школу - в масках - учебный процесс возобновился в классах [фото] Aмультимедиа 4 октября, в школьных зданиях возобновился учебный процесс, 11:31 / 21.09.2021 Авакцинациа автобус аҿы [афото] Aмультимедиа Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо Архив Aмультимедиа Акоронавирус Апопулиaртә Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Асоветтә репрессиақәа Ажәaбжь ҿыцқәa 11:02 / 23 Нaнҳәa Иракли Ҕарибашвили Ҟрымтәи аплатформа алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, 11:15 / 12 Нaнҳәa Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, хымчыбжь аҿҳәарала аҧкрақәак шьақәгылазаауеит Қырҭтәылагьы, адунеи аҿгьы аепидемиологиатә 12:48 / 08 Жьҭaaрa USAID-Қырҭтәыла Аҧсны иарҭеит акоронавирус аҽыхьчаратә тестқәеи адиагностикатә хархәагақәеи USAID/Қырҭтәыла Аҧсны иҟоу ахәышәтәырҭақәеи 12:44 / 08 Жьҭaaрa Чхороҵҟутәи арҵаҩы амилаҭтә ҳамҭа лоуит 2020 шықәсазы арҵаҩы имилаҭтә ҳамҭа лоуит Амультимедиa „Чеми морду“ - зықәрахь инеихьоу ауааҧсыра рзы арегион аҿы иаадыртыз раҧхьатәи ацентр аус ишауа [афото] Ахәмарраҿы зегьы раасҭа сманшәалоуп, еснагь аиааира згоит, - Ашколахь асабрадала - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит [афото] Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа, Аҭынчраҿ амузыка абжьы ахьуаҳауа „Афольклор аҩны“ [афото] Знык адамхаргьы, Жәыргьыҭ Ҭамар Авакцинациа автобус аҿы [афото] Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо „Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы [афото] 74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала Акультурa Аинтерес аҵаҵаны акарантин мҩаҧызго жәыргьыҭтәи амузыкант [афото] Covid-19 аҿагылара инамаданы имҩаҧгаз адунеитә концерт аҿы еицциз ақырҭуа аиаҳәшьцәа ашәа рҳәеит [авидео] Аҩычагаҿы иаарҧшу ашәануатә бзиабара аҭоурых [афото] Аспорт Наҭиа Гаделиа - Адунеи ачемпионс дҟалеит [афото] Аҳәса рспорт акәӡам ҳәа аҳәара иаҿын, сара маӡала азыҟаҵарашҟа сцон - амилаҭтә аизга иалоу Хобитәи аӡҕаб Европаҿы аҧхьахәқәа згаз жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа [афото] Абашатәи аӡиудоистӡҕаб Европа ачемпионс дҟалеит Жәыргьыҭтәи aштaнгист Европa aчемпионaт aҿы aџьaзтә медaл иоуит Хобтәи aқәҧaҩ aдунеи чемпионс дҟaлеит Аилыркaaрa Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Иааиуа амшқәа рзы иаҳа ирацәаны ахәыҷқәа ашәыхәтәырҭа рҭаххар ҟалап, уи еиҧш ашәарҭара иҟоуп - Иуане Чхаиӡе
https://www.livepress.ge/ap/aa/article/40829-2021-09-22-16-54-52.html
2024-02-28T02:08:05Z
<urn:uuid:11a5e3df-fb8a-462c-90d4-2aa1bdb6613d>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.85
0.99
61
12,337
tlsh:T1232EA8429B40CB4FC5B3C488DB814E362CD1594783237261CEC9F4B516860A9EFFCD13A9F9EC059A70DF1612E161FB142A09FCEA297DBEE7705240A46D3F34DE26A836869E
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аԥҵара амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит. «Ҳаҭыр зқәу Ирина Шьоҭа-иԥҳа, ҳатыр зқәу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аколлектив! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны аҭоурых аҟны акрызҵазкуа арыцхә – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аԥҵара амш. 1978 шықәса абҵарамза 6 рзы Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьаӡакәны аефир ахь ицәырҵит. Ари амилаҭтә ҵысра ашьҭыҵреи аҿиареи рус акырӡа иацхрааит, уи иалҵшәаны ишьақәгылеит иахьатәи аԥсуа ҳәынҭқарра. Ари амш иугәаланаршәоит ҳажәлар знысыз ахақәиҭреи ахатәҳәаақәҵареи рышҟа инагаз амҩа хьанҭа. 1992 -1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥснытәи ателехәаԥшра аусзуҩцәа апрофессионализми агәымшәареи аарԥшуа русура мҩаԥыргон. Урҭ рфырхаҵареи иаадырԥшуаз аибашьратә хҭысқәа реишьҭагылашьеи ирыбзоураны еизгоуп хәы змаӡам аибашьра архиви адокументациеи, адунеитә уаажәларра ақырҭуа агрессор ихаҿра шыҟаҵәҟьаз аилкааразы алшарагьы рнаҭеит. Хашҭра рықәым Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа. 45 шықәса инарзынаԥшуа Аԥсуа телехәаԥшра қәҿиарала анапы иану анагӡара иаҿуп. Шәара шәыпрограммақәеи шәрепортажқәеи аԥсуа уаажәларра рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Шәара ауаажәларра ирышәҭо аинформациа инаваргыланы ишәылшоит ҳмилаҭтә хаҿра аиқәырхарагьы, ари, хымԥада, жәлар ртелехәаԥшраны аҟаҵара агьалнаршоит уҳәар ҟалоит. Иахьа, здырра ҳараку анапхгареи, зҳәоу еиқәшәаны аус еицызуа аколлективи ирыбзоураны Аԥснытәи ателехәаԥшреи арадиои аҿиарамҩа иануп, аусураҟны ҳаамҭазтәи амыругақәа алагало, атәыла амедиа-индустриа еиӷьтәра хықәкыс ишьҭыхны. Аԥснытәи ателехәаԥшра есҽнытәи аусура ацәырҵреи, ашьақәгылареи зџьабаа аду зегьы ирзеиӷьасшьоит арҿиаратә еихьӡарақәа, еицакра зқәым агәамч шәнапы злаку аус ду аҟны. Агәра згоит Аԥснытәи ателехәаԥшра ахәаԥшҩцәа аринахысгьы зхаҭабзиара ҳараку, зҿлымҳара зуҭаша апрограммақәа рызнагара шәылшалоит ҳәа». Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16071/
2024-03-04T19:21:58Z
<urn:uuid:629b88d8-b56e-45b2-9e5f-a3b4f62f1f83>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.88
0.97
17
4,369
tlsh:T19F4BF8916B40DB8BC2B3D08DCA814A3568C128438272B774CEC9F5B1068615CEFBCD02D5EAED158B78AB1212D662BF106A4DFDE9247DBBD730D311A12D2F3CDA239975C59E
Аԥсны Жәлар рартист, ахореограф, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭа арҵаҩы, ашәаҳәаҩ, ирацәоуп шәџьабаа аԥсуа культура аҿиараҿы. Ашәаҳәареи акәашареи бзиа избоз аҭаацәара ду шәааӡеит. Уамашәа ибатәым шәыԥсҭазаара аҟазара иахьазышәкыз. Уажәы аҟазарахь ишәымоу абзиабара аҿаргьы ирылашәааӡоит. Шәиубилеи аҽны ишәзеиӷьаҳшьар ҳҭахуп агәабзиара, ашықәснҵыра рацәа. Шьардаамҭа шәҳагымзааит!» - аҳәоит адныҳәалараҿы.
https://apsadgil.info/news/culture/akultura-aministrra-anri-ferzba-iiubilei-idyrny-aleit/
2024-03-02T19:10:30Z
<urn:uuid:8f636fa9-83cd-4e92-8a82-df2c28f91c64>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
3
779
tlsh:T1265B4D012880EB4FE572C48CCB40083668C21D058A63B6F1CFDDF1BA1A910ADB6BDC03D6EBD8154A24EB1424C0B2AB11B419DDD9823D57C3705144F1556FBDED23563689CD
Амиран Гамҟрелидзе – Иарку ақәыҧшылараҿы асабрада аныҟәгара шәыбжьазгоит, авирус аҿкаара афактқәа рацәахеит, уи «Омикрон» асубштаммқәа реикәшара иадҳәалоуп - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Амиран Гамҟрелидзе – Иарку ақәыҧшылараҿы асабрада аныҟәгара шәыбжьазгоит, авирус аҿкаара а... Иҵегь аҭагалара Амиран Гамҟрелидзе – Иарку ақәыҧшылараҿы асабрада аныҟәгара шәыбжьазгоит, авирус аҿкаара афактқәа рацәахеит, уи «Омикрон» асубштаммқәа реикәшара иадҳәалоуп 14:32, 07.07.2022 «Иарку ақәыҧшылараҿы асабрада аныҟәгара шәыбжьазгоит», — иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз. Иара иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи ҩымчыбжь рыла акоронавирус афакт ҿыцқәа рхыҧхьаӡара ҩынтә еиҳахеит, уи «Омикрон» асубштаммқәа реикәшара иадҳәалоуп. «Иацы 631 афактқәа аарҧшын, иахьа 756 афактқәа иҟоуп. Аҩашазы ичмазаҩхаз ауаа рхыҧхьаӡара ҩымчыбжь раҧхьа иҟаз ачымазаҩцәа раасҭа ҩынтә еиҳауп. Ҽакала иаҳҳәозар, аҵыхәтәантәи ҩымчыбжь рзы акоронавирус аҿкаара афактқәа рхыҧхьаӡара ацлара иаҿуп», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе. «Ачымазацәа реицәахара атенденциа иҟам. 7-8 наӡынак роуп ахәышәтәырҭашҟа ииагоу. Уажәазы ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп 350ҩык раҟара апациентцәа», — иҳәеит Амиран Гамҟрелидзе. Иара ауааҧсыра авакцина аҟаҵара рыбжьеигоит. АУААЖӘЛАРРА aкоронaвирус Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе 2 Еиҧшу Тедрос Аданом Гебреисус - Covid-19-и, агриппи егьырҭ ареспиратортә чымазарақәеи рхыԥхьаӡара иазҳауеит, асабрадақәа ныҟәыжәгала, алаҵақәеи атестқәеи иҟаҵаны ахьшәымоу гәашәҭала Иване Чхаиӡе - Акоронавирус ареспиратортә вирусқәа ркатегориахь ииасит Адукат ишааицҳаз, Михеил Саакашвили акоронавирус изышьақәдырӷәӷәеит Амедиа адыррала, Евроеидгыла ари аиҿкаара иалоу атәылақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит Китаинтә инеиуа апассаџьырцәа рҟны „ковид-19“ азы атестирра зыршҳаҭуа адокумент гәарҭаларц Агәабзиарахьчаразы адунеитә аиҿкаара Китаи ахь ааԥхьара ҟанаҵоит апандемиа иазкны иҵабыргыцәҟьоу адыррақәа аладырҵәарц Reuters – Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Иапониа акоронавирус амшала иҧсит 415ҩык, уи арекордтә арбагоуп Ԥхынҷкәын азы Китаи 250 миллион ҩык акоронавирус рыдбалан Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Китаи аҟны 40 052-ҩык акоронавирус рыдблан Китаи аковид амзызла ишьақәгылоу аԥкрақәа раԥыхразы аҿагыларатә акциақәа нагӡоит, адемонстрантцәа Си Ӡинпин инапынҵақәа рышьҭаҵара идҵаны иқәдыргылоит Китаи, Синӡиантәи апровинциаҿ, акоронавирус амзызла иҟаз алокдаун иахҟьаны, аҿагыларатә акциа мҩаԥган Амш зеиҧшрахо 4° аҩ Қaрҭ Ах 6° аҧшь 9° Авалиута акурс $ USD 2.6562 0.004 € EUR 2.8820 0.006 ₽ RUB 0.028893 0.017 £ GBP 3.3686 0.006 TOP 5 Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит Илиа Дарчиашвили – Агәра ганы ҳаҟоуп жәларбжьаратәи ауаажәларра рпозициа ҕәҕәа ахадаратә ҵакы шамоу Урыстәыла ахатә ҧхықәрақәа нагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагарц азыҳәан Атапанчала ахысразы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионс иҟалеит – #1TVSPORT Қырҭтәыла VS Сербиа Актәи аканал аҿы - итәу "Қарҭтәи аренаҿ" арекордсен Гьаргь Цинцаӡе амҵәышәмпыд аҟынтә днаскьаргоит #1TVSPORT
https://1tv.ge/lang/ab/news/amiran-gamkhrelidze-iarkw-aqmphshmlaratchvm-asabrada-anmkhgara-shmbzh%D1%8Cazgoit-avirws-atchvkaara-afaktqa-ratcaxeit-wi-omikron-as/
2024-02-27T13:06:24Z
<urn:uuid:30446689-d161-4ce3-9379-4a16ab6007e7>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.91
0.6
0.94
52
6,030
tlsh:T1F78D1FC1AD40DB47C2B7C599CB918E355CD0684742257230CEC9B47026010A9EBFCD22AEFEE8164EB5E71515D162BF146A0EFCEA297DBED7215200B56D3F39DC27A83AC66E
Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны Аԥсны аусура зылшо аӡәы ихныҟәгаразы ахарџьқәа 11 072,4 мааҭ рҟынӡа инаӡеит, – адырра ҟанаҵоит Аԥсны астандарт азы Аҳәынҭқарратә еилакы. Аслан Дауров Имузеи 23 Жәабран 2024 Нхыҵ-Кавказ зыхьӡ нагоу акомпозиторцәа ируаӡәку, ­­­ М. И. ­­Глинка ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алаурет, Ҟарачы-Черқьесктәи Ареспублика агимн автор, еицырдыруа ашәаԥҵаҩы, акомпозитор Аслан Дауров имузеи аадыртит Черқьеск ақалақь аҟны. Ацҳаражәҳәаҩ далахәын 23 Жәабран 2024 Урыстәыла иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа анаука-практикатә конференциа «Евромаидан: «Украина иацәыӡыз ажәашықәса» ихы алаирхәит. Аҳәаа ахыҵра арманшәаларазы 23 Жәабран 2024 Афедералтә ҳәынҭқарратә Усбарҭа «Урыстәылатәи аҳәаа аобиектқәа рыргылареи рхархәареи рзы Анапхгараҭара» (ФГКУ Росгранстрои) анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Ерохин аусбарҭа Шәачатәи аҿга аколлектив дырԥылеит. С.У.Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра азгәаҭаразы 23 Жәабран 2024 Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, Аԥсны Аҩбатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден І аҩаӡара занашьоу Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Ажурналист изанааҭ азҟаза 23 Жәабран 2024 Жәабранмза 15 рзы «Аԥсны Спутник» апресс-центр аҟны акамереи аҭели рыла ииашаны авидео шҭыхтәу иазкны амастер-класс мҩаԥигеит амедиагәыԥ «Россия сегодня» аинформациатә технологиа азҟаза Игор Мазунин. Уаҟа рхы аладырхәит Аԥснытәи еиуеиԥшым амассатә информациатә хархәагақәа рҟынтәи ажурналистцәа, иара убасгьы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара зҵо ажурналистцәа ҿарацәа. Амилаҭтә театр еихаҳауа 23 Жәабран 2024 1929 шықәса февраль жәибыжь рзы Аҟәа иаартын Аԥсуа профессионалтә драматә театр.Ари арыцхә хҭыс дуны иҟалеит аԥсуа доуҳатә культура аҿиара амҩан. Атеатр аԥсуа ҟәша аҟны иқәыргылан Ӡаӡ Дарсалиа идрама «Ажәытәра иагаз». Аспектакль ахәаԥшцәа даараӡа иргәаԥхеит. Усҟантәи аамҭазы аҭагылазаашьа шмариамызгьы, атеатр агәыԥ еиднакылоз С. Бжьаниа, Е. Шакирбаи, И. Аӡынба, М. Бӷажәба, К. Гогиа уҳәа ирылдыршеит ахәаԥшцәа атеатртә ҟазара радԥхьалара.
https://gazeta-apsny.info/
2024-02-24T17:01:46Z
<urn:uuid:4fe21903-f68a-413c-9ce9-cd05051dd764>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
1
0.99
13
3,970
tlsh:T101C87F81BA00DB8BC6B3C0148AA289359ED068174321B270CED5F6B51686049EBBCE13EAFAA8158EB8DF1721D052AF00A94EFDE915FD7ED7319710913E2F34EA2B4472D59F
Мчыбжьыктәи (30.05.2022-05.06.2022) адыррақәа рыла, бжьымш рыла Қырҭтәыла акоронавирус 511-ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит 514-ҩык, бжьҩык рыԥсҭазаара иалҵит. Ари атәы аарыцҳаит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаттә центр аҟынтә. Аусҳәарҭа аинформациа ала, иларҵәоуп омикрон B.A.2 аштамм. Бжьымш рыла иҟаҵан 103 529 атестқәа, урҭ рҟынтә антиген азы атест – 93 577, „PCR“ атест – 9 952.. Бжьымштәи аҵоура арбага 0.49% иаҟароуп. Иҳаҩсыз амчыбжь азы (23.05- 29.05.2022) Қырҭтәыла акоронавирус 575-ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит 614-ҩык, аӡәы дыԥсит. АУААЖӘЛАРРА aкоронaвирус ҚЫРҬТӘЫЛА 1 Еиҧшу Қырҭтәылеи Кореиатәи Ареспубликеи рыбжьара аекономикатә партниорра иазку аиҿцәажәара актәи араунд иалагеит Питер Сииарто - Қырҭтәыла шықәсқәа раԥхьа ақәнаган Евроеидгыла алалара World of Statistics астатистика инақәыршәаны, атуристцәа уахынла ишәарҭамкәа аныҟәара ахьрылшо атәылақәа рыбжьара, Қырҭтәыла Европа аҵакыраҿ аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит Виктор Орбан иажәақәа рыла, 2008 шықәсазы Украинеи Қырҭтәылеи Натои Евроеидгылеи ралалара алшара рыман, аха ари ашанс рхы иадырхәарц ирылымшеит Афинансқәа рминистрра - Жәларбжьаратәи ареитингтә агентра FitchRatings Тедрос Аданом Гебреисус - Covid-19-и, агриппи егьырҭ ареспиратортә чымазарақәеи рхыԥхьаӡара иазҳауеит, асабрадақәа ныҟәыжәгала, алаҵақәеи атестқәеи иҟаҵаны ахьшәымоу гәашәҭала Питер Фишер - 2024 шықәсазы Германтәылеи Қырҭтәылеи Европатәи ахеилакахь аинтеграциазы аусеицура нарыгӡоит Амилаҭтә гвардиа асолдаҭцәа Ҭырқәтәыла имҩаҧысуаз х-ганктәи арратә азыҟаҵарақәа рхы рыладырхәит Германтәыла азакәанҧҵаратә аизара Хыхьтәи апалата Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам тәылақәас азханаҵеит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы атәыла-кандидат статус анашьоуп Амш зеиҧшрахо 4° ашә Қaрҭ аҩ 3° Ах 5° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мака Боҷоришвили Европарламент аҿы аиԥыларақәа лыман Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, Ҟрымтәи адгьылбжьахабжьа аганахьала адронқәа рыла ажәылара мҩаԥган, урыстәылатәи аҳирхьчаратә мчқәа 38 дрон карыжьит Ингушетиатәи ақалақь Карабулак кыаамҭалатәи бџьаршьҭыхлатәи аидыслара ашьҭахь, иршьит фҩык аибашьцәа Афермерцәа рпротест амзызла, Украинеи Польшеи рҳәааҿ иҟоу оужьҭратә пунктқәа зегьы аибаратә машьынақәа рзы аркуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/mchmbzh%D1%8Cmkti-admrraqa-rmla-qmr%D2%ADtmla-akoronavirws-511-uimk-rmdbalan-achmmazara-ialcit-514-uimk/
2024-03-04T01:31:06Z
<urn:uuid:e8c7615a-7057-4820-a79e-6441ea849960>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.9
0.61
0.96
31
4,021
tlsh:T1734E7A819B44D74BC1B3C56A9E518E356CC16C078625B270CDEAB9B11745018DFFCC12D9F9EC094F60DF1612D162BF19670AECCA297EBFD7629200A55E3E38E9339872D19E
Реџьеп Таип Ердоӷан ишааицҳаз, Џьо Баиден F-16 аҳаирпланқәа аҭира дақәшаҳаҭхар, Ҭырқәтәыла апарламент Швециа Нато алалара азҵаара аратификациа азнауеит 10:00, 22.08.2023 Украина ахадеи Бырзентәыла аԥыза-министри Украина Евроатлантикатә аинтегарциа иазку адекларациа рнапы аҵарҩит 23:20, 15.08.2023 Нато амаӡаныҟәгаҩ иофис адиректор - Сгәы ишаанаго ала, Украина территориақәак мап рыцәкра ацынхәрас Нато алалара алшоит 10:14, 24.07.2023 Украина Атәылахьчара аминистр ишааицҳаз, Нато ахь алалара иаауа ашықәс азы дазыԥшуп 14:36, 23.07.2023 Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ҿыц еиҿкаау Нато-Украина ахеилак аилатәара амҩаԥгара иазкыз Укаинатәи аган аҳәара дақәшаҳаҭхеит 16:51, 13.07.2023 Иракли Бераиа - Қырҭтәыла НАТО алахәызаара акритериқәа зегьы ирышьашәалоуп, Алианс алаларазы ҳахиоуп, аидгылаҩцәа, игәаҕьны, аӡбара рыдыркылароуп 13:36, 12.07.2023 Анџьеи Дуда - Шықәсқәак рышьҭахь Украина НАТО алахәылас иҟалап ҳәа сгәыҕуеит 12:21, 12.07.2023 Володимир Зеленски - Иахьа иҳаҳаз абри ауп - ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа алшара анҳанаҭо усҟан Нато аҟынтә ааԥхьара ҳауеит 11:53, 12.07.2023 ШЬалуа Папуашвили - Уаанӡа изҩыз сгәаанагара, Вильниус имҩаԥгаз Нато асаммит ашьҭахь даҽазнык шьақәсырӷәӷәоит 16:03, 11.07.2023 Анџьеи Дуда - Украина НАТО иалаларц азыҳәан, ҳара ари атәылазы амҩа иаша ҳәаақәаҳҵароуп 13:38, 11.07.2023 Иенс Столтенберг - Урыстәыла Нато армаҷра ахьаҭахыз аҟынтә Украина аибашьра алагеит, аха ацынхәрас мрагыларатәиа фронт аҿы иаҳа ирацәаны Натои Алианс иалаз ҩтәыла ҿыцки аиуит 11:09, 11.07.2023 Иенс Столтенберг – Швециа Ҭырқәтәыла иацхраауеит Евроеидгыла азааигәахара апроцессаҿ 10:58, 11.07.2023 Дмитри Кулеба Германтәылахь ааҧхьара ҟаиҵеит НАТО ашҟа Украина алалара аҧырхагахара иаҟәыҵырц 10:50, 11.07.2023 Иенс Столтенберг – Ҭырқәтәыла НАТО ашҟа Швециа алалара иақәшаҳаҭхеит 14:08, 10.07.2023 Financial Times – Қырҭтәыла ажәылареи Ҟрым аннексиеи ашьҭахь, НАТО Москва ахьырхәразы иҟанаҵаз маҷуп, ақәыӡбаратә риториа ада уаҳа акгьы ҟарымҵеит 13:55, 10.07.2023 Украина авице-аҧыза – Вильниустәи асаммитаҿ атәыла НАТО алаларазы ааҧхьара амоур, Украина "ахатә стратегиа аиҭахәаҧшра ақәшәоит" 13:24, 10.07.2023 Џьо Баиден - НАТО Украина адкылара азҵаара ахәаҧшра иалагаанӡа ари аибашьра хыркәшазароуп 12:26, 09.07.2023 The Telegraph – Германтәыла анапхгара НАТО ахь Украина алалара азҵаара ахырҧара рҭахуп, избанзар, Урыстәылаҟны аибашьра ашәарҭара ҟалар ауеит ҳәа ргәы иаанагоит 11:21, 08.07.2023 Реџьеп Таип Ердоҕан - Ҳәарада, Украина НАТО алахәызаара ахәҭоуп 12:33, 06.07.2023 Аҩны шкәакәа апресс-спикер – Украина ареформақәа мҩаҧыргароуп, НАТО иалалаанга, Украина, НАТО алахәылацәа зегьы ирзеиҧшу астандартқәа ирышьашәалазароуп
https://1tv.ge/lang/ab/news_tag/nato/page/2/
2024-02-29T21:01:06Z
<urn:uuid:281e565e-657c-4375-83dd-1ee4a200fb8d>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.67
0.98
30
4,584
tlsh:T19B317C916B00DB0BDAB3D4648B808A353D80A44B5262E360CE99F47522464ACDBFED0359BEE9065F308B1A02D226BF10B515ECE7197F7FDB719244A71D2F3DD933983685EE
Апроект «Ақәранҵыра» акыр шықәса зхыҵуа абыргцәа ирызкуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны шәышықәса иреиҳау ауаа ацхыраара рынаҭоит. Ақәра ду нызҵуа ауаа, ҳҭоурыхи ҳқьабзқәеи иузырҟәымҭхуа ирыдҳәалоуп. Ас еиҧш иҟоу абыргцәа, ирхыргахьоу ауадаҩрақәа азгәамҭакәа, адоуҳатә беиареи ақьиареи еиқәдырхоит. Раҧхьатәи апроект аусура инақәыршәаны, 116 шықәса зхыҵуа Думаа Нуца Константин-иҧҳа, афонд ахьӡала аҳамҭақәа ланашьан. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа, Гиннесаа ррекордтә шәҟәахьы арзаҳал рҩит, Нуца Константин-иҧҳа ашәҟәы дҭаргаларц, адунеи аҿы инхо зегь реиҳа ақәра змоу аӡә лаҳасаб ала. Аҧсуара Статистика проектов «Ақәранҵыра» 4 . «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа лымш ира лыдырныҳәалеит Адиле Шахбас-иԥҳа Абасс-оглы. 2 . Гәылрыҧшь араион Бабышьра ақыҭа инхо Дочиа Илиа Шәлиман-иҧа 100 шықәса ихыҵит. 3 . Апроект «Ақәранҵыра» аусура иацҵан Хәаҧақыҭан 1 . 116 ш. зхыҵуа Нуца Думаа, «Жәларбжьартәи афонд Аҧсны» аҳамҭа ланаршьеит.
http://fondapsny.org/ab/akrancyra
2024-02-21T12:40:34Z
<urn:uuid:9526f358-0720-4aed-9191-7fdf00aeff26>
[]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.8
0.98
5
1,721
tlsh:T1430F8D317B80CF4BD933D05AD5918E2A6CC0280743737324CED5B4B62A90064FEBDC1268B2D80F9978EB0102D2656E5555C9ACEA293DBEC7721310622D3F79DC1BA879C56F
Адырраҭара «Ҳара Ҳабиԥара» далахәуп- К.Ӡиӡариа ихьз зху Аԥсуа Аҳәынҭқарратә алицеи-аинтернат, ахимиа арҵаҩы Гәында Гәымԥҳа. Прочитано 417 раз Опубликовано в Ҳабиҧара (Наше поколение) Другие материалы в этой категории: « Витали Џьениа« Ахәышәтәырҭаҿы аԥышәа ду змоу такԥхықәрала иазнеиуа аҳақьымцәа аус руеит.Зегьы ҳхеибарҭәаауеит, аусураҿы ас еиԥш аизыҟазаашьақәа ихадоу атыԥ ааныркылоит Астанда Аџьбԥҳа:«Схәыҷы аахижьҭеи сзанааҭ бзиа избоит ахәыҷқәа рыбжьы са сзы ԥсыршьагоуп.Исымоу аԥышәа маҷуп,убри аҟнытә сдыррақәа еисзырҳалоит» »
https://www.radio.apsny.land/ru/proekty/item/393-g-ynda-g-ym-a-zh-ipsh-shy-sa-ar-a-rat-usura-snapy-zlaku-bzia-isymbar-zalshom-szanaa-ada-szynkhom
2024-03-01T15:16:10Z
<urn:uuid:46a57fbb-dc04-45e1-bdf6-9433854e9c1d>
[]
[]
abk-Cyrl
0.9
0.67
0.98
3
989
tlsh:T1BA3F5A117880CB4BD273D1498BC246186CC1190312563175CEC9F070224549ADBFDC02AAFAF00669F4F72160D259CE016E19ECF9A57DBFE3229704E02C3F358D1B9077D19D
Мчыбжьыктәи (23.05- 29.05.2022) адыррақәа рыла, бжьымш рыла Қырҭтәыла акоронавирус 575-ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит 614-ҩык, аӡәы дыԥсит. Ари атәы аарыцҳаит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаттә центр аҟынтә. Аусҳәарҭа аинформациа ала, иларҵәоуп омикрон B.A.2 аштамм. Бжьымш рыла иҟаҵан 104 996 атестқәа, урҭ рҟынтә антиген азы атест – 95 506, „PCR“ атест – 9 490. Бжьымштәи аҵоура арбага 0.55% иаҟароуп. Иҳаҩсыз амчыбжь азы (16.05-22.05.2022) Қырҭтәыла акоронавирус 586-ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит 605-ҩык,хәҩык иԥсит. АУААЖӘЛАРРА aкоронaвирус ҚЫРҬТӘЫЛА 3 Еиҧшу Қырҭтәылеи Кореиатәи Ареспубликеи рыбжьара аекономикатә партниорра иазку аиҿцәажәара актәи араунд иалагеит Питер Сииарто - Қырҭтәыла шықәсқәа раԥхьа ақәнаган Евроеидгыла алалара World of Statistics астатистика инақәыршәаны, атуристцәа уахынла ишәарҭамкәа аныҟәара ахьрылшо атәылақәа рыбжьара, Қырҭтәыла Европа аҵакыраҿ аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит Виктор Орбан иажәақәа рыла, 2008 шықәсазы Украинеи Қырҭтәылеи Натои Евроеидгылеи ралалара алшара рыман, аха ари ашанс рхы иадырхәарц ирылымшеит Афинансқәа рминистрра - Жәларбжьаратәи ареитингтә агентра FitchRatings Тедрос Аданом Гебреисус - Covid-19-и, агриппи егьырҭ ареспиратортә чымазарақәеи рхыԥхьаӡара иазҳауеит, асабрадақәа ныҟәыжәгала, алаҵақәеи атестқәеи иҟаҵаны ахьшәымоу гәашәҭала Питер Фишер - 2024 шықәсазы Германтәылеи Қырҭтәылеи Европатәи ахеилакахь аинтеграциазы аусеицура нарыгӡоит Амилаҭтә гвардиа асолдаҭцәа Ҭырқәтәыла имҩаҧысуаз х-ганктәи арратә азыҟаҵарақәа рхы рыладырхәит Германтәыла азакәанҧҵаратә аизара Хыхьтәи апалата Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам тәылақәас азханаҵеит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы атәыла-кандидат статус анашьоуп Амш зеиҧшрахо 4° ашә Қaрҭ аҩ 3° Ах 5° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Ингушетиатәи ақалақь Карабулак кыаамҭалатәи бџьаршьҭыхлатәи аидыслара ашьҭахь, иршьит фҩык аибашьцәа Мака Боҷоришвили Европарламент аҿы аиԥыларақәа лыман Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, Ҟрымтәи адгьылбжьахабжьа аганахьала адронқәа рыла ажәылара мҩаԥган, урыстәылатәи аҳирхьчаратә мчқәа 38 дрон карыжьит
https://1tv.ge/lang/ab/news/mchmbzh%D1%8Cmkti-admrraqa-rmla-qmr%D2%ADtmla-akoronavirws-575-uimk-rmdbalan-achmmazara-ialcit-614-uimk/
2024-03-04T02:28:41Z
<urn:uuid:091f0fb6-1bb8-4433-9133-b06ab04042d9>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.9
0.62
0.96
29
3,776
tlsh:T10A8CBC718B44D70BC5B3C66A9E518D356CC16D078625B260CDEAB9B11745018EFFCC12D9FAEC094F30DF1612C162BF18670AFCCA287EBED7619200A49E3E38E9339876D19E
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Герзмааҧҳа лҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Герзмааҧҳа лҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа Жәабран 23, 2015 шықәса. Ахада Иусбарҭа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иналукааша аоператә шәаҳәаҩы, Аҧсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Герзмааҧҳа дылҧылеит. Рауль Ҳаџьымба ашәаҳәаҩ иланаишьеит иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа – "Ахьӡ-Аҧша" аорден I аҩаӡара. Хьыбла Герзмаа ари аҳамҭа ланашьан жәларбжьаратәи азхаҵара зауз акультуреи аҟазареи рҿы илымоу аихьӡара дуқәа рзы. была удостоена этой награды за выдающиеся достижения в Ахада артист илзеиҕьаишьеит арҿиаратә еихьӡара ҿыцқәа, иагьазгәеиҭеит Аҧсны аҭоурых аҿы раҧхьаӡакәны – "Ахьӡ-Аҧша" аорден аҧҳәыс ишланашьахаз. «Ҳара ҳарзыгәдууп Шәара шәықәҿиарақәа, ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳҳәынҭқарра адунеи аҿы аҳаҭыр ашьҭыхразы Шәара иҟашәҵо алагала»,- иҳәеит Рауль Ҳаџьымба. «Аҳамҭа шсанашьахаз атәы Ниу-Иорк сшыҟаз исаҳаит. Даара сгәы иахәеит, ари аҳамҭа ҳаҭыр дуӡӡа сзақәуп сара. Сазгәдуны иныҟәызгалоит»,- иазгәалҭеит Хьыбла Герзмааҧҳа. Аиҧылараҿы ирылацәажәан Аҧсны акультуреи аҟазареи, лымкаала Пицунда амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыҧхьоит…» аиҭарҿыхара. «Насыҧ сымоуп ҳәа исыҧхьаӡоит, Рауль Џьумка-иҧа, азал аҿы шәызбар», - азгәалҭеит ашәаҳәаҩ. Ахада Хьыбла Герзмаа агәра лиргеит Аҧсны ахадара аганахьала ганрацәалатәи адгылара шлыҭахо. Аиҧылара иара убас иалахәын Аҧсны Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Астамыр Ҭаниа, Акультура аминистр Ельвира Арсалиа, Аекономика аминистр Николаи Ачба.
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/1510/?print=Y
2024-02-24T20:09:31Z
<urn:uuid:119ba471-cdb3-4b28-abf6-1df2b0de1457>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
9
2,872
tlsh:T1A514275189448F4BDAB7D89D9F806A316CC1845706627661CDC9F0F407C2199FBFCD136AFBE5168A70EB1625E022BA00691ABCE519BEFFD7600600953D3F78EE278832C19E
Атра́нспорт[1] (алаҭ. trans — алҟьарала алаҭ. portare — агара -гьы р-ла) — ацагақәеи аагагақәеи еибоуп — ауп. Атранспорт категориақәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Атранспорт хкықәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Аӡы транспорт[аредакциазура | акод аредакциазура] Аӡы транспорт атранспорт ахкы ажәытәтәи даараӡӡоу. Уи, минимумны XIX шәш. аҩбатәи абжа аан атрансконтиненттә аихамҩақәа рҵәырҵраӡа, атранспорт хкы акрызҵазкуаӡӡа иҟан. Абашаӡагьы аԥраӷба мышкы ԥшь‐хәынтә рыла еиҳа ачаландар дагысуеит. Аӡы транспорт абранӡа аҵак ду моуп. Автомобиль атранспорт[аредакциазура | акод аредакциазура] Аихамҩатә транспорт[аредакциазура | акод аредакциазура] Ахьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] ↑ Касланӡиа В. А. (аред. Џьонуа Б. Гь.), «Аԥсуа-аурыс жәар», Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет, Аҟәа, 2005 Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Атранспорт&oldid=110658 Акатегориа: Атранспорт Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 08:19, 6 мшаԥымза 2021. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%82%D1%80%D0%B0%D0%BD%D1%81%D0%BF%D0%BE%D1%80%D1%82
2024-02-21T15:13:11Z
<urn:uuid:50ea740b-ed98-42a1-b2ca-a06a8ac79ffb>
[ "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.64
1
0.9
5
2,146
tlsh:T17AB91F418C08CB5B86F3D086C581CA6549F1B9078323B1218EE4B4F62A052D8D76CE439AEDA47B87A47F11258203FF11AD0DFDDA11B869E710A740A26D6E7CFD175476C39A
Петрас Аустревичиус - Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа иҟарҵаз ацәгьоура цыԥхьаӡазы жәларбжьаратәи ауаажәлрра рҟынтә ақәҿыҭра аиуроуп, иара убас ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы аҭак зыԥхықәу ахаҿқәа рганахьала асанкциақәа алагалатәуп - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Петрас Аустревичиус - Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа иҟарҵаз ацәгьоура цыԥхьаӡазы жәларбж... Иҵегь аҭагалара Петрас Аустревичиус - Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа иҟарҵаз ацәгьоура цыԥхьаӡазы жәларбжьаратәи ауаажәлрра рҟынтә ақәҿыҭра аиуроуп, иара убас ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы аҭак зыԥхықәу ахаҿқәа рганахьала асанкциақәа алагалатәуп 10:32, 23.11.2023 Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа иҟарҵаз ацәгьоура цыԥхьаӡазы жәларбжьаратәи ауаажәлрра рҟынтә ақәҿыҭра аиуроуп, иара убас ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы аҭак зыԥхықәу ахаҿқәа рганахьала асанкциақәа алагалатәуп, – иҳәеит Европарламент алахәыла Петрас Аустревичиус Страсбург, Европарламент асессиаҿ имҩаԥысуаз адебатқәа рҿы данықәгылоз. Европарламент алахәыла иажәақәа рыла Қырҭтәыла аҵакыра 20% ампыҵахалара арратә ацәгьоуреи Қырҭтәыла атерриториатә акзаареи аазырԥшуа ишиашоу ашаҳаҭгоуп. „Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа апровокациақәа рполитика мҩаԥыргоит, ауааԥсыра атерор аҵаҟа иҟоуп, Қырҭтәыла атәылауаа имҵадырсуеит. Қырҭтәыла атәылауаҩ, 58 шықәса зхыҵуаз Ҭамаз Гинтури, урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа дыршьит. Уи дыршьит иаб инышәынҭрашҟа данцоз. Иара ицыз Левн Доҭиашвили закәандарала даанкылан“, – иҳәеит Петрас Аустревичиус. АПОЛИТИКА ҚЫРҬТӘЫЛА Петрас Аустревичиус Урыстәыла 5 Еиҧшу Германтәыла арратә чынуаа реиҿцәажәара анҵамҭа аурыс журналистцәа рнапаҿы иҟалеит, германтәыла ари афакт азы аусеилыргара иалагеит Приднестровие ахаҧшьгаратә напхгара „Адепутатцәа реизара ду“ еиҿыркаауеит, уи аан Путин иахь аҳәара ҟарҵар ҟалап Приднестровие Урыстәыла аилазаарашҟа идикыларц Урыстәылатәи мчқәа Одесса абомбақәа аларыжьрит, аҭынч тәылауаҩык дҭахеит Қырҭтәылеи Кореиатәи Ареспубликеи рыбжьара аекономикатә партниорра иазку аиҿцәажәара актәи араунд иалагеит Питер Сииарто - Қырҭтәыла шықәсқәа раԥхьа ақәнаган Евроеидгыла алалара Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Аурысцәа Аԥсныҟа рнеира ишәарҭоуп Урыстәыла, Белогородтәи аобласт агубернатор ишааицҳаз, ақалақь аганахьала имҩаԥгаз аракетатә жәылараан хәҩык ҭахеит Урыстәылаҿ Естониа аԥыза-министр лганахьала аусԥшаара хацыркуп World of Statistics астатистика инақәыршәаны, атуристцәа уахынла ишәарҭамкәа аныҟәара ахьрылшо атәылақәа рыбжьара, Қырҭтәыла Европа аҵакыраҿ аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит Виктор Орбан иажәақәа рыла, 2008 шықәсазы Украинеи Қырҭтәылеи Натои Евроеидгылеи ралалара алшара рыман, аха ари ашанс рхы иадырхәарц ирылымшеит Амш зеиҧшрахо 10° амҽ Қaрҭ ашә 11° аҩ 14° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/petras-awstrevichiws-wrmstmla-ampmcaxalarat-mchqa-ikharcaz-atcg%D1%8Cowra-tcm%D4%A5x%D1%8Cadzazm-zhlarbzh%D1%8Carati-awaazhlrra-r/
2024-03-03T06:11:42Z
<urn:uuid:68454eb4-3407-40f1-89c3-1d338a74eee0>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.62
0.96
47
6,295
tlsh:T1D1A466D15844DB0BC973C068DA9189352D8169078621B270CEDAB4B1238540DEFFCE03A6EAFC0A1E708F0616D122BE156A0AFCD619BDBED7A15240F56E6E34F937A4B1C59E
Азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат Хада аструктура иаҵанакуа еиҿкаароуп, уи иалоуп азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аҟәшақәеи аинспекциақәеи араионқәа рҿи, ақ. Аҟәеи. Ари аусбарҭа ауснагӡараан изықәныҟәо акәны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә закәанҧҵареи, аҳәынҭқарра амчра зныҧшуа егьырҭ анорматив-зинтә актқәеи, ашәахтәқәареи, афинансттә-нхамҩеи, аусҧҟақәеи, аинструкциақәеи адҵаҧҟақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалоу. Азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәаҵара ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп анаҩстәи азааҭгылақәа: – Ашәахтәқәеи аизгақәеи ирызку азакәанҧҵара аусушьа ахылаҧшра аҭара, аминситррақәеи, еиуеиҧшым аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи, аҳәынҭқарратә компаниақәеи рыбжьара; – Азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵара иаҵанакуа аҟәшақәа русура еиҿнакаауеит, имҩаҧнагоит Аҧсны Аҳәынҭқарра ААРА ақ. Аҟәеи, араионқәа ирыҵанакуақәа рҿи, ахатәратә форма шьаҭас измоу еиуеиҧшым аиҿкаарақәеи ааглыхратә усбарҭақәеи рыбжьара ашәахтәқәеи аизгақәеи ирызку азакәанҧҵара аусушьа хылаҧшра аҭауа; – ААР Аинспекциа имҩаҧнаго акомплекстә гәаҭарақәа ралыршара ахы аланархәуеит, иара убасгьы хылаҧшра анаҭоит азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵара иазку аҟәшақәа русушьа Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР Аинспекциа; – Аусбарҭа ашәахтә гәаҭарақәа рграфики аусуратә плани шьақәнаргылоит, ААР аинспекциақәа рыҟәшақәа аусуратә плани агәаҭарақәа рграфики иахьынӡарықәшәаны русура хылаҧшра азнауеит; – Алкаақәҵеи астатистикатә лкаақәеи анализ рызнауеит, иара убас, аҭыҧантәи агәаҭарақәа анилизи рызнауеит, урҭ шьаҭас иҟаҵаны алагалақәеи арҽеирақәеи еиқәнаршәоит ашәахтқәеи аизгақәеи ирызку Азакәанҧҵара адгаларазы; – Ашәахтә закәанҧҵареи ашәахтә политикеи реиқәыршәареи реиҿкаареи рымҩаҧгареи рҿы ахы аланархәуеит, ишьақәыргылоу, аус зуа аусҧҵәа аҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны; – Ашәахтәҧхьаӡара аформақәа разыҧшаара аус аҽаланархәуеит, аҽаланархәуеит алкааҧҵәаҟаҵараҿы, адекларациеи егьырҭ ашәҟәқәеи реиқәыршәараҿы, ашәахтәқәеи егьырҭ аизгақәеи рыҧшаареи абиуџьеҭ рахыҧхьаӡалареи рҿы, иара убасгьы, ААР аинспекциақәа русура алкааҧҵәаҟаҵара аформақәа рҿы; – Асистематә ҟазшьа аҭаны абиуџьеҭ аашәахтә лагалатә уснагӡара ахылаҧшра анаҭоит, ахатә компетенциа аҽҭагӡаны абиуџьеҭ апроект аус адулараҿы ахы аланархәуеит; – Азинхьчаратә ахылаҧшратә усбарҭақәа рпланшьақәыргыларатә руснагӡаратә усмҩаҧгатәқәа ахы рыланархәуеит, ашәахтәқәеи аизгақәеи ирызку азакәанҧҵара арыҕәҕәареи уи ахылаҧшреи аус аҿы;
https://www.mns-ra.org/ab/central/nalog_ur/
2024-02-22T15:01:22Z
<urn:uuid:eb993f0a-8156-4b71-b8ff-315b1088c495>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
12
4,451
tlsh:T12FE36F91F6409BABC5B3C08486D2CE361CD254070222F6318EC9B5701F5104ADBBCD13EEFAFD46C6B4AB0656D165AB24566EEDC9697D7BD2704240919E2D38DC37F17DC6ED
Манагуа, Сандинисттәи ареволиуциа 40-шықәса ахыҵра инамаданы аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Ареспублика Никарагуа Апрезидент Даниель Ортега реиҧылара мҩаҧысит. Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даниель Ортега идкылара азы ҭабуп ҳәа еиҳәеит, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба иҟынтәи Сандинисттәи ареволиуциа 40-шықәса ахыҵра инамаданы дидныҳәалеит. Даниель Ортега Ареспублика Никарагуеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара ишьақәгылаз аизыҟазаашьақәа рҵакы ахадара дазааҭгылеит, анаҩсгьы урҭ рҳәаақәа рырҭбаара шалыршахо азы агәыҕра ааирҧшит. Ареспублика Ниарагуа Апрезидент иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ааигәа имҩаҧысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахадарахь алхрақәа рҿы ақәҿиарақәа изеиҕьаишьеит. Ахәҭакахьала, Даур Ақаҩба Ареспублика Никарагуа аделегациа нанҳәамза 25, 2019 шықәсазы Аҧсны имҩаҧысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахадарахь алхрақәа рҿы анаҧшыҩцәа раҳасабала алахәхара азы ааҧхьара риҭеит. Имҩаҧысыз аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аганқәа иара убас аҩганктәи ауеицура ихадоу ахырхарҭақәа рыла ргәаанагарақәа еибырҳәеит. Аминистр иара убас Даниель Ортега иара ианизыманшәалоу аамҭа алхны Аҧсны аофициалтә визитла даҭааразы ааҧхьара ииҭеит. Аиҧылара ахыркәшамҭаз аҩганк ахаҭарнакцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит. Back to the list Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Анотақәа Женеватәи аиҿцәажәарақәа Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Архив новостей Афотосахьақәа Авидео Адәныҟаполитикатә усура ахҳәаа Афотосахьақәа Сергеи Лавров Аԥсныҟа иаара Аԥснытәи аделегациа Венесуела усутә визитла рыҟазаара Аԥснытәи аделегациа Никарагуа визитла рыҟазаара ..еиҭа афотосахьақәа Ҳара асоциалтә ҳақәа рҟны Abkhazian Foreign Ministry/Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра/МИД Абхазии Related articles В Посольстве Абхазии в Сирии состоялась встреча Мухаммада Али с председателем Совета директоров Черкесской благотворительной ассоциации в Сирии Гассаном Шоура 20.02.2024 Инал Ардзинба поздравил Ректора НИУ ВШЭ, к. ф. -м. н. Никиту Анисимова с Днём рождения 20.02.2024 Комментарий Заура Гваджава в связи с заявлением Главы МИД Венесуэлы Ивана Хиля Пинто о приостановлении деятельности технического консультативного бюро Верховного комиссара ООН по правам человека в Венесуэле 20.02.2024 Инал Ардзинба направил поздравительный адрес на имя Сергея Лаврова по случаю Дня дипломатического работника
http://mfaapsny.org/allnews/news/visits_info/o-vstreche-daura-kove-s-prezidentom-nikaragua-danielem-ortega/
2024-02-22T11:04:46Z
<urn:uuid:87f9a9a8-e48d-49b6-bf73-0aeb8a87a485>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.72
0.62
0.97
24
4,453
tlsh:T1AE607F91AD00CF4BC5B3C484D7819B354DD194578265B372CEC9F9A02646089DBBCE03EBFAE8198674DB0212D59BEE006A0BFDE924BD7FC7655200A53D3F34EA23987AD69E
Иракли Кобахиӡе - Абжьагарақәа ҳахьрықәшаҳаҭам ахықәкышьашәалара ахәҭаҿ зҵаарақәак иҟоуп, Венециатәи акомиссиа хаҭарнакцәа ҳпозициақәа рзааҳарԥшит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Кобахиӡе - Абжьагарақәа ҳахьрықәшаҳаҭам ахықәкышьашәалара ахәҭаҿ зҵаарақәак иҟоуп,... Иҵегь аҭагалара Иракли Кобахиӡе - Абжьагарақәа ҳахьрықәшаҳаҭам ахықәкышьашәалара ахәҭаҿ зҵаарақәак иҟоуп, Венециатәи акомиссиа хаҭарнакцәа ҳпозициақәа рзааҳарԥшит 13:06, 16.11.2023 Абжьагарақәа ҳахьрықәшаҳаҭам ахықәкышьашәалара ахәҭаҿ зҵаарақәак иҟоуп, Венециатәи акомиссиа хаҭарнакцәа ҳпозициақәа рзааҳарԥшит, – иҳәеит апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе Венециатәи акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ хадеи акомиссиа аекспертцәеи рҟны аиԥылара ашьҭахь. Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, аиԥылараҿ ирзааҭгылеит аусеицура еиуеиԥшым ахырхарҭақәа, урҭ рыбжьара аӡбарҭа азҵаареи алхратә тематикеи. „Аӡбарҭақәа ирызкны Венециатәи акомиссиа ҳзаанашьҭыз алкаа ҳахцәажәеит. Азинтә принципқәа рхырхарҭала абжьагарақәа зегьы ҳадаҳкылоит. Аха абжьагарақәа ҳахьрықәшаҳаҭам ахықәкышьашәалара ахәҭаҿ зҵаарақәак иҟоуп, Венециатәи акомиссиа хаҭарнакцәа ҳпозициақәа рзааҳарԥшит. Ацентртә алхратә комиссиа азҵаараӡ Венециатәи акомиссиа аҟынтә алкаа ҳазыԥшуп“, –иҳәеит Иракли Кобахиӡе. АПОЛИТИКА İrakli Kobaxidze 3 Еиҧшу Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Иракли Кобахиӡе - Европарламент аҩныҵҟа ашәқәа ркны ирҳәо зегьы ақырҭуа жәлар еилыркаар, уи ҳажәлар дара рахь ирымоу азныҟәаразы анырра бзиа амазаауеит Иракли Кобахиӡе - Агәабзиарахьчара аминистр иҟны аимадара иазкны исҳәар сҭахуп, амедицинатә усхкы ахаҭарнакцәа агәынамӡара рыман, уи гәасҭеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿырҧштәалагьы Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Италиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад дылҧылеит Франциа аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит Иракли Кобахиӡе Швеицариатәи аконфедерациа ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит Иракли Кобахиӡе Павел Герчински диԥылеит Китаитәи ареспублика Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизадатә режим шьақәнаргылеит Иракли Кобахиӡе - Ареспубликатә хәшәтәырҭа ареорганизациа аанкылахоит, иашьашәалоу азинтә докумнт аус адулара ҳалагахьеит Амш зеиҧшрахо 10° амҽ Қaрҭ ашә 11° аҩ 14° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-kobaxidze-abzh%D1%8Cagaraqa-hax%D1%8Crmqshaha%D2%ADam-axmqkmsh%D1%8Cashalara-ax%D2%ADatchv-zcaaraqak-ikhowp-venetciati-akomiss/
2024-03-03T07:06:37Z
<urn:uuid:cfd87604-cdfe-44f1-8f6f-e575154e0947>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.61
0.95
46
5,674
tlsh:T1A41E8AC16800DF9BC573C0958AA1DA3A6CD1694A8361B1308ECAB9717615069FEBCD03E9F9F99D5E60EB1811C162FF11260AFCDB257EBFC7614240A01E2E74ED2B947286DE
Леонардо ди сер Пиеро да Винчи (аитал. Leonardo di ser Piero da Vinci; мшаԥымза 15, 1452 ш., Анкиано ақыҭа, Флоренциа ареспублика — лаҵарамза 2, 1519 ш., Кло-Лиусе ахан, Амбуаз, Франциа) — адуу италиатә асахьаҭыхҩы (архитектор, аскульптор) аҭҵаарадырраҩы (аматематик, афизик, анатом), илашу "ауниверсалтә ауаҩы" (алаҭ. homo universale) ахкы, италиатә Ренессанс аидеал. Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура] Аӡәгьы иҳамаикӡом, Леонардо да Винчи (1452-1519) зегь реиҳаӡоу асахьаҭыхҩцәа дыруаӡәкуп ҳҳәар. Иара иҭихыз асахьа «Уаххьа маӡа» адунеиаҿ зегь реиҳа еицырдыруа сахьақәа иреиуоуп. Леонардо зегьы деицырдыруа дҟалон акгьы ҭимхыргьы. Избанзар уи дыԥҵаҩ дуун. Уи адагьы Леонардо дҵарауаҩ дуун, дконструкторын. Иара убас уи дпоетын, дмузыкантны, дыскульпторын. Иара идагьы ауаатәҩса рыԥсҭазаарҿ уаҳа аӡәгьы илымшацзар ҟалап ииҵаз аҟара аҵара. Уи абџьар хкқәеи рмеханизмқәеи аԥиҵеит. Иара убас аҳаирпланқәеи аӡаҵаҟатәи анышьқәеи рмодельқәа рыла аԥышәарақәа мҩаԥигон. Леонардо до Винчи, аиашазы, генииуп изуҳәар алшоит. Леонардо диит Италиа Винчи ақыҭан. Уи ихәыҷра аиҳарак иаб иҭаацәа рҿы ихигеит. Леонардо дхәыҷыԥшӡан, ихахәы еиларҳәы, илақәа иаҵәаӡа дыҟан. Леонардо иаб иҷкәын асахьаҭыхра аинтересс шимоу иангәеиҭа, уи иреиӷьӡоу асахьаҭыхҩы бзиа, арҵаҩы иахь дишьҭуеит. Ҽнак Леонардо ирҵаҩы исахьаҿы амаалақь исахьа ҭихуеит. Уара сахьаҭыхыҩҵас усеиҳауп, арҵаҩы – уаҳа сара асахьа ҭысхӡом”, – иҳәеит арҵаҩы. ԥыҭрак ашьҭахь, Леонардо иаб арҵаҩы уаҳа аԥара изысшәаӡом ҳәа иӡбеит. Уи иҷкәын ихигоит ахаҳәқәеи, аҵиаақәеи ҭҵаауа, аԥсааҭқәа дрышьклаԥшуа, урҭ рцәеижьы шеиҿартәу аилкаара дахьашьҭаз, амеханизмқәа рмодельқәа анаԥиҵоз мыцхәы аамҭа рықәирӡуеит ҳәа иԥхьаӡон. Аха Леонардо ирҵаҩы иҿы даанхеит цхырааҩык иаҳасабала. 25-шықәса раҟара иара иҿы дыҟан. Нас ихала асахьа аҭыхра далагоит, раԥхьа Флоренции, нас Милан, Венециа, иԥсҭазаара аҵыхәан – Франциа. Леонардо идеиақәа асахьаҭыхыҩцәа аӡәырҩы рсахьақәа рҿы рхы иадырхәон. Иара, – сара урҭ аԥысҵалоит. Дара урҭ хырҩылаалааит, – иҳәон. Абасала, ирацәаӡам ари асахьаҭыхҩ дуӡӡа иҭынхаз асахьақәа. Аидеиақәа рацәаны иман, ирацәоуп уи карандашьлеи меланлеи иаԥиҵаз аескиз ссирқәа. Леонардо исахьақәа убас иԥшӡоуп, урҭ амузыка еиԥш, еиҭаҳәашьа рымаӡам. (Картины Леонардо так красивы, что их так же трудно описать, как прекрасную музыку). Асахьақәа рҿы ауаа рхаҿқәа даара иҵаулоуп. Уи алашараеи агагеи даҽакала (ҿыцла) ихы иаирхәеит иперсонажцәа еиҳа иԥсабаратәны, ишыҟаҵәҟьаз иааирԥшырц азы. Исахьақәа руак «Мона Лиза» ахьӡуп. Ари аччаԥшь зҿықәу аԥҳәыс лпортреҭ ауп. Апортреҭ ари аԥҳәыск лхаҵа иаҿеиҵеит. Аха Лео - нарда уи апортреҭ убас игәаԥхеит, ихазы иаанижьырц иӡбеит. Уи Франциаҟа иманы дцеит. Ара аҵыхәтәантәи ашықәсқәагьы ихигеит, Франциатәи акрал иҿы аҳҭынратә сахьаҭыхҩыс дыҟан. Уажәшьҭа ари асахьа – Парижтәи Лувр аҿы хәы аԥҵамҭа хазынақәа ируакуп. Ахудожник[аредакциазура | акод аредакциазура] Мона Лиза Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015 Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Леонардо_да_Винчи&oldid=126428 Акатегориақәа: Италиатәи асахьаҭыхҩцәа Италиатәи аҿыцхәыцҩцәа Италиатәи архитекторцәа Афилософцәа 1452 шықәсазы ииз Мшаԥымза 15 рзы ииз 1519 шықәсазы иԥсыз Лаҵарамза 2 рзы иԥсыз Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 07:12, 9 лаҵарамза 2023. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9B%D0%B5%D0%BE%D0%BD%D0%B0%D1%80%D0%B4%D0%BE_%D0%B4%D0%B0_%D0%92%D0%B8%D0%BD%D1%87%D0%B8
2024-02-27T20:57:54Z
<urn:uuid:31910538-72c9-4311-8bd9-14f56a839674>
[ "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.8
0.73
0.95
11
6,265
tlsh:T1FEFFEDD19B40DB4BC5B7D068869145361CD16C4383677265CEC5B87521190A8EBFCD02AAFAFC069BB4EB1661E167FE107A0AFCEA21BD6BE760D300916C7F35CE13A076D69E
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Жәларбжьаратәи астудентцәа рымш инамаданы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аныҳәатә усмҩаԥгатә даҭааит. Аҳәынҭқарра Ахада астудентцәа дрыдныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит аихьӡарақәа аҵараҿы, аҭҵаарадырратә усураҿы. Ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит аҵараиурҭа ганрацәала иаиҭо ацхырааразы. Аслан Бжьаниа иара убас 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ауниверситет аусзуҩцәеи астудентцәеи рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара ацеремониа далахәын. Аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын Аԥыза-министр Александр Анқәваб, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аиҳабыра алахәцәа, адепутатцәа. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16122/
2024-02-21T14:48:41Z
<urn:uuid:133709c6-5a8f-4804-91bb-037588ade5a1>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.82
0.85
0.95
13
2,095
tlsh:T1F59575416840C787D6B3C0AEDA825E35ACC1584702727750CE89F1B51286149EBBCD13DAFAE5218BB8EB0212D163BA10BD4DEDE624BD6BD3304201A13C2F38DC379072D5AF
Платон Дауҭ-иԥа Кьиласониа (аур. Платон Даутович Киласония; 1908 ш., Кәтол акыҭа Очамчыра араион — 1977 ш.) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы, апоет. Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] Диит 1908 шықәсазы Кәтол акыҭа Очамчыра араион. Иԥсҭазаара далԥит 1977 шықәсазы. Джуп кәтол. Алагарҭатсә школ даналгаб аҵара иҵои аҟәа, аҟыҭанхамҩатә техникум аҿы. Акыр шықәса инеԥынкылан агрономс аус иуаню Акьыԥхь абраҟатәи аҿы дԥәырҵит а-40-тәию ашықәсҟасқәа рзы. Иқыҭа гәакьҿа арҿиара ус знапы алазкуаз аҿар рахь анырра ҟаимаҭ иман, дҿырԥшыган, азәырҩы инапы рыпшьын. Апсуа жәлар рашәақәаи ражәабжьқәеи. Аҟәа, 1956 шықәсазы. Иудкыл сашәа. Ажәаеинраалақәа, ажәабжьқәа, ажәаԥҟәа, абна бызшәфю. Аҟәа, 1990 шықәаса. Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 916 Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Кьиласониа,_Платон_Дауҭ-иԥа&oldid=113283 Акатегориақәа: Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Аԥсны апоетцәа Кьиласониаа 1908 шықәсазы ииз 1977 шықәсазы иԥсыз Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 16:02, 17 лаҵарамза 2021. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9A%D1%8C%D0%B8%D0%BB%D0%B0%D1%81%D0%BE%D0%BD%D0%B8%D0%B0,_%D0%9F%D0%BB%D0%B0%D1%82%D0%BE%D0%BD_%D0%94%D0%B0%D1%83%D2%AD-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
2024-02-25T03:21:52Z
<urn:uuid:bbeee068-9382-4beb-ade4-6299c1d86361>
[ "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.83
0.92
0.92
13
2,286
tlsh:T18F20B741CF40CB4B82B3C1C58991CC7898E2681346533335CFE6B1B12E121D8EBBCD02A6EAAC1445617F5532D265BE299E4DFCEC16B86FD732D340527D2E78DE131432A29F
Рашәарамза 9 рзы ҳазҭоу ашықәсазы, Гагра араион активи ауаажәларреи рҧылараан сықәгылараҟны сара ажәа шәысҭеит шәареи ҳшеиҧыло иаартны ҳаицәажәарц азы. Агәра жәгарц сҭахуп, иҟаҵам макьана ишырацәоугьы, иҟоу иеиуеиҧшым ацәажәарақәа срыцәшәаӡом. Пицунда – Аҧсны адунеи аҿы иеицырдыруа, уи ахаҿра зныҧшуа курортуп. Иара алшара дуӡӡақәа амоуп, аха рыцҳарас иҟалаз, инагӡаны ахархәара рымаӡам. ,p>Сара иҟасҵаз адҵала аҭыҧаҟны аҭагылазаашьа аҭҵааразы аусуартә гәыҧ аҧҵан – уи шәара иҟашәҵаз аҧшьгаралоуп ишыҟалаз. Аусуратә гәыҧ Пицунда иҟоу аҭагылазаашьа аҧсахразы аусура иалагараны иҟоуп, аха уи иаанагаӡом иара зегьы алшоит ҳәа. Убас ишыҟоугьы аҭагылазаашьа аҧсахразы зыда ҧсыхәа ыҟам аусхкқәа рымҩаҧгара, хымҧада, иҳалшоит. Аҭагылазаашьа, ишыҟоу атәы ҳҳәозар, угәы канажьыртә иҟоуп. Ара ақалақь ахадеи егьырҭ иқәгылози ирҳәаз маҷӡам. Аха сара иҟоу апроблемақәа ртәы бзианы и здыруеит, урҭ рыӡбарагьы ҳаҿуп. Иҟоуп ацәажәарақәа рацәаны, аха рыцҳарас иҟоу, иҟаҵоу макьана иазхаӡом. Иаартны исҳәоит: иахьа афинанстә цхыраара аганахьала ҳзықәгәыҕуаз макьана иҟаӡам. Аӡәырҩы уи сара изӡоит ҳәа ргәы иаанагоит. Сара иҟоу шыҟоу иаартны исҳәоит, акгьы сҵәахӡом. Иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа аҟнытә афинанстә цхыраара иадҳәаланы ауадаҩрақәа. Уаанӡа акыр аамҭа иеилаганы ишьақәдыргылоз апроекттә-харџьынҵатә документқәа иахьа, хымҧада, еилыкка разырхиара аҭахны иҟалеит. Сара салацәажәахьеит уаанӡа иҟаз агхақәа ртәы. 10-15 млн мааҭ рыла инагӡатәыз аусурақәа рыҟны апроект-харџьынҵатә документқәа рыҟны иадырбон 100 млн инареиҳаны. Шьҭа шәахәаҧш, Гагра аӡымҩангара инадҳәаланы ишьақәгыло аҭагызаашьа уи иақәаҳхарџьыз аҧара ашьҭахь – уи ҳара ҳҧара акәӡам, урыстәылатәи ацхырааҟнытә ауп. Ҳара ҳҩызцәа шәоуп ҳәа заҳхәо ауаа амц иҳамжьароуп. Уи адагьы, ҳара иҳамоу алшарақәа ҳхы иаҳархәароуп, уи ҳаналацәажәо иҧышәарччо, агәра зымгогьы ыҟоуп, аха урҭ хымҧада иҳамоуп. Ҳнапы нарымҵакуа аҳәара ҳаҟәыҵроуп знымзар-зны. Ҳагәра дҳаргароуп иааҳакәыршаны иҟоугьы. Уи иахьа ҳалагароуп Урыстәыла иаҳнаҭо ацхыраара ииашаны ҳхы иархәаны. Урҭ алшарақәагьы маҷӡам. Ҳуаажәларраҟны аоппозициатә знеишьақәа ыҟоуп, ус иагьыҟазароуп. Аха урҭ зегьы қәнагала имҩаҧысуазароуп. Гагра араион 1,3 млрд мааҭ азоужьхоит анаҳҳәо, уи аҭакс урҭ аҧарақәа ахьынтәааиго зимҳәои рҳәоит. Урҭ аҧарақәа урыстәылатәиқәоуп, сџьыба иҭызымгаӡеит. Ҳара ҳҳәынҭқаррагьы, рыцҳарас иҟалаз, макьана иамаӡам ус аҧарақәа. Ижәдыруазарц сҭахуп: урҭ рахьтә акыр Пицундаҟа ишдәықәҵахо аӡиа Инкьыт, амҩақәа, аӡымҩангара, ахәышәтәырҭақәа, ахәыҷбаҳчақәа уҳәа уб. егьырҭ ирыдҳәалоу азҵаарақәа рыӡбаразы. Ҳаилышәкаар сҭахуп: иаразнак апроблемақәа рыӡбара ҳалшаӡом. Аха арҭ аҧарақәа иаартны, ишақәнагоу еиҧш ауаа рҟынӡа инаӡартә иҟаҳҵоит. Даҽакала знеишьа ҟамлароуп. Иахьазы афымцатә станциа маҷқәеи аихшаратә каҭақәеи реиҭашьақәыргылара, Гагреи Пицундеи убрахь иналаҵаны, иазоужьхоит 733 млн мааҭ. Арҭ аҧарақәа ииашаны ҳхы иаҳархәароуп, абра иазҧхьагәаҭатәуп ҷыдала афымцамчы асистемазы еиҳа акрызҵазкуа аиҭашьақәыргылара. Иааидкыланы Гагра араион акурорт-туристтәи еиҭашьақәыргыларақәа ирзоужьхоит 446 млн мааҭ, Гагра араион аӡымҩангаразы – 350 млн, егьырҭ араионқәа зегьы рыҟны – 1 млрд 135 млн мааҭ. Алифтқәа раахәареи рышьақәыргыларази - 10,1 млн мааҭ, ахәыҷбаҳча аиҭашьақәыргыларазы 122 млн мааҭ, ( 2015 ш. – 72 млн мааҭ, 2016 ш. – 50 млн мааҭ.), иара убас ҷыдала акрызҵазкуа акәны иҟоуп Пицунда аӡынмҩагагатә система, уи иазоужьхоит 136 млн мааҭ – аӡиа Инкьыт инадҳәаланы аусурақәа рзы (2016 ш. – 40 млн, 2017 ш. – 90,6 млн) уи инацҵаны 4 млн мааҭ дәықәҵахоит агидротехникатә агидрологиатә, анышәтә, агроҳауатә лшарақәа реиҕьтәра иадҳәалоу аусурақәа рымҩаҧгаразы. Абасала, ҩышықәса рыҩныҵҟала аӡиа Инкьыт инамаданы иҟоу ауадаҩрақәа ҳаӡбароуп. Арҭ аҧарақәа хымҧада иҟалоит. Аха урҭ ииашаны ахархәара рыҭатәуп. Сара апроект-харџьынҵатә документқәа реиқәыршәара знапы иану иеилыркаар сҭахуп уаанӡа иҟаз аилагарақәа шалыҳмыршо. Иаҳдыруеит, иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы знеишьақәас иҟаз: апроект-харџьынҵатә документқәа рыҟны ацифрақәа ирзырҳаны иазгәарҭон, ирыҧшаауан аусурақәа рымҩаҧгаразы уи алшарақәа змамыз аргыларатә еиҿкаарақәа, урҭ аиҿкаарақәа қьырала аусура иаладыргон – абри инақәыршәаны аргыларатә усура иацәыхароу ауаа рнапы алакын. Абри ауп иҟалаз пицундатәи ачазауад аҟны. Сара арҭ аматериалқәа шьҭыхны срыхәаҧшит. Аргыларатә ус знапы ианырҵада? Иарбан ҧарақәоу хархәара зыҭатәыз? Шаҟа ақәхарџьтәыз аргыларатә ус? Аха ас иахьыҟоу Пицунда мацара акәӡам. Абас иҟоуп шамахамзар, ачазауадқәа зегьы рыҟны. Ирацәоуп ирықәхарџьу ачазауадқәа аус руларц азы. Амыругақәа аахәан, арахь иахьа урҭ азауадқәа аус руӡом. Изныхыз аҳәынҭқарра аҧарақәа, аурыс ҧарақәа? Ҳауаажәлар ржьаразоума? Иахьа ачаӡра иаҿу еиҳарак акоммерциатә еиҿкаарақәа роуп. Ус анакәха, ари аусура дара аҿызар еиҳа иеиҕьзар, аҧарақәа аҳәынҭқарра аусқәа рыҟны даҽа хырхарҭак рыҭатәызар. Сара ара Пицунда иадҳәаланы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы саҳаит, иазгәасҭаргьы сҭахуп: ииашоуп, ақалақь аҟны асоциалтә- економикатә ҭагылазаашьа ҽеиӡам. Наплакқәак роуп Пицунда иҟоу аҧҟарақәа ирықәшәо. Убри аан Пицунда аизҳазыҕьаразы алшара дуқәа змоу ақалақьқәа ируакуп. Урҭ алшарақәа атуристтә сфераҟны иҟоуп, урҭ реиқәырхарази рырҿиарази Пицунда еиқәҳархароуп. Ари Аҧсназеиҧш адунеи зегьы азы зеиҧш ыҟам ҭыҧуп. Ас хыда азнеира аҧхьаҟатәи абиҧарақәа иҳанарыжьраны иҟаӡам. Сара исҳәахьеит, Аинвестициатә программаҟны иазгәаҭоуп Пицунда аҿиаразы аҧаратә хархәагақәа. Урҭ ииашаны ахархәара рыҭахар, иҟоу ауадаҩрақәа акыр рыӡбара алыршахоит. Аха имаҷымкәа афинанстә цхыраара шазгәаҭоугьы урҭ апроблемақәа зегьы рыӡбара алшаӡом. Ахатәы халашәалахәқәа рышьҭыхра шымҩаҧгатәу иазхәыцлатәуп. Уи азы алшарақәа ыҟоуп. Ара сара саҧхьа иқәгылаз анапхгаҩы иҳәеит ацифрақәа рыҽшырыҧсахыз. Хымҧада, ацифрақәа, шьаҭанкыла рҽырыҧсахит. Аҿырҧштәы аазгоит. 2014 ш. лаҵарамзеи-рашәарамзеи рзы «Акурорт Пицунда» аҧсшьарҭаҩынқәа рыҟны зыҧсы зшьоз рхыҧхьаӡара 1953-ҩык рҟынӡа ыҟазҭгьы, уи аамҭазы 2015 шықәсазы 5424 рҟынӡа ихалеит. 278 % иазҳаит. Аӡәы-мышкы ҳәа аҧхьаӡарала: 2014 ш. лаҵарамза-рашәарамзанӡа – 18607-ҩык, 2015 ш. лаҵарамза-рашәарамзанӡа – 45271-ҩык. 243 % иазҳаит. Ашәҟәы иҭагалоу аҧсшьаҩцәа зхала иааз, зхала зыҧсшьара напынҵала ахәҧса ахызшәаауа 2014 ш. зынӡа 62 – ҩык ыҟан, 2015 ш. – 3417-ҩык. Ас еиҧш ацифрақәа реиҟарамра ааҧшит сынтәа ишақәнагоу ала агәаҭарақәа, ашәҟәы рҭагаларақәа рымҩаҧгара ҳахьалагаз, аҧарақәа џьоукы рџьыбақәа рахь акәымкәа абиуџьет ахь ашьҭра ахьалҳаршаз иабзоураны. Ҵыҧхи сынтәатәи ашықәси «Акурорт Пицунда» ашәахтә хыҧхьаӡаларҭақәа ахьынӡеицәыхароу убартә иҟоуп. Убас 2014 шықәса актәи азбжазы (рашәарамза 30 рҟынӡагьы) абиуџьет иахыҧхьаӡалаз ашәахтәқәа 4,3 млн рҟынӡа, урҭ рахьтә 3,2 млн мааҭ роуп иршәаҵәҟьаз. 2015 ш. рашәарамза 18 рзы иахыҧхьаӡалоуп иагьыршәеит 7,6 млн мааҭ. – даҽа. иаҳҳә. ҩынтәи бжаки иреиҳаны. Абас иҟоуп аҩныҵҟатәи алшарақәа. Ииашаны ахарахәара аҭатәзар ҟалап ари аҭагылазаашьа. Сара ашәахтәқәа реизгаразы егьырҭ ацифрақәа срылацәажәаӡом. Лассы-лассы ашәахтә зыҧҵәақәа шьҭышәхит ҳәа иҳаҽҧнырҳәоит, анаплакқәеи ауааи ирылымшо ашәахтәқәа рықәышәҵеит рҳәоит. Иазгәасҭарц сҭахуп: ашәахтәқәа макьана ишьҭаҳамхӡац, аха ашәахтәқәа рааира арбагақәа шьаҭанкыла рҽырыҧсахит, ахыҧхьаӡаларақәа ирызҳаит. Уи ус шакәу атәы аҳәоит Пицунда иҟоу аҭагылазаашьагьы. Ари асезон анҵәамҭазы акурорт Пицунда аҿаҧхьа иаду ауалқәа зегьы ашәароуп.
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2366/?print=Y
2024-02-22T21:19:23Z
<urn:uuid:bbe9c664-614a-4bd3-b16d-56b2cfa77150>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
20
13,255
tlsh:T1E3C0D4529D40CB8BC6B3C448DB82CE352CD15403476372318ECAF17655590A8FBFCD13AAEAE4064A64DB1521E222BE24660EFCEA793E6AD7709240956D3F39DD23B476D2AD
Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду зегь реиҳа ишьаарҵәыраз аепизодқәа ирхыԥхьаӡалоуп Аԥсны ашьхахыҵырҭақәа рҿы имҩаԥысуаз аидысларақәа, аӷа Кавказ инапахьы аагара алзмыршаз. Анемец фашистцәа Аԥсны алаларазы изыԥшьаргоз аҽазышәарақәа акгьы рылымҵит. Марыхәтәи ашьхахыҵырҭа – Аџынџьтәылатә Еибашьра Ду аҿы иҭахаз Ар Ҟаԥшь аибашьцәа ргәалашәара иазку ақьашанеи амемориалтә ӷәи © mountain.ru 1942 шықәса аԥхынразы афашистцәа рыр Кавказ ажәылара рҽазыркит, ҭагалан азы рнапаҿы иааргахьан Ҟәыбани Нхыҵ-Кавкази рҵакырадгьылқәа реиҳарак. Аибашьра Аԥсны ашьхахыҵырҭақәа рыҟнынӡа инаӡеит. Ақалақьқәа рҿы ахыхьчаратә ргыларақәеи абомбаҽыԥхьакырҭақәеи рыргылара иалагеит. Ажәылара аанкылан, аӷа Аҟәеи, Гәдоуҭеи, Гагреи инапахьы раагара илымшеит, 1943 шықәсазы – ампыҵахалаҩцәа Кавказ иалцан. Аԥсны ашьхарақәа рҟны имҩаԥысуаз аидысларақәа ирызку аинформациа инарҭбааны иарбоуп Владимир Ԥачлиа ишәҟәы «Аԥсны Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду ашықәсқәа раан» ҳәа хьӡыс измоу аҟны, иара убасгьы, уи аамҭазы Аҟәа инхоз Евгени Чернышиов игәалашәарақәа ибзианы ирныԥшуеит аибашьра Аԥсны ианаҭаз анырра. Иаҳҳәап, уи имшынҵа аҟнытә ҳара иаҳдыруеит аҳаиртә жәыларақәа ирыхҟьаны ааха зауз ртәы, ашьха қыҭа Ԥсҳәы ахьчара шеиҿкааз, иара убасгьы Аҟәатәи амшын баӷәаза ишыхгылаз ахәцәа зҭаз аӷбақәа. Кавказ ажәылара © Кази-Магомеҭ Алиев ишәҟәы ««Едельвеис» азонаҿы» “ Шьыжьы инаркны ақәа аҿыҵышәшәон. Саб арадио аҿеикит. Молотов дҿаҳа-ҿагәо алаҳәара ҟаиҵеит, афашисттә Германиа Асовет Еидгыла ишақәлаз. Ари ажәабжь ҳгәылацәа зегьы иаарылаҩит, арадиорҳәага аҿаԥхьа ауаа рацәа еизеит. Алаҳәара даҿа зныкгьы еиҭаҟарҵеит. Аиҳабацәа ргәы уазыруа ари ажәабжь иалацәажәон. Ҳарҭ ахәыҷқәа ҳакәзар, еилаҳкаауаз ҳәа акгьы ыҟамызт, аха ҳаибашьцәа ҳархыҽхәо – анемеццәа, уажәшьҭа ижәбап шәзықәҳаршәо ҳәа ҳҳәон. Евгени Чернышиов игәалашәарақәа зну ашәҟәы аҟнытә Афшисттә Германиа Асовет Еидгыла иақәлеит 1941 шықәса, рашәара 22 рзы шьыжьнаҵы. Уи аҽныҵәҟьа, Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу ахеилак арратә уалԥшьа зду зегьы азеиԥш мобилизациа рыланаҳәеит, Аԥсны зҵазкуаз Аахыҵкавказтәи арратә округгьы уахь иналаҵаны. Аби аԥҳаи арадио ала ажәабжьқәа ирзыԥшуп, Аҟәа, 1941 шықәса © Евгени Чернышиов Рашәара 23, асаҭ 11 рзеиԥш Гагратәи араион иаанацҳауан: амобилизациа иаҵанакуа атәылауаа зегьы, ааԥхьашәҟәқәа рыҭоуп, урҭ Аҟәаҟа ргаразы амашьынақәа хиоуп ҳәа. Рашәара 27 рзы Гагра араион аҿы амобилизациатә план нагӡан. Аԥсны егьырҭ араионқәа рҿгьы амобилизациа убас еиҿкааны имҩаԥган. Арратә санатори, Аҟәа, 1941 шықәса © meshok.net Ԥхынгәы 4 инаркны 19 рҟынӡа, Аԥснытәи авоенкоматқәа рахь 5974-ҩык ауааԥсыра арзаҳалқәа аларҵеит афронт ахь ацаразы, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аҭыԥҳацәагьы. Иааизакны Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҿы, Асовет ари арра-мшынтә флоти ирылахәны еибашьуан 55,5 нызқьҩык Аԥсны иалҵыз ауааԥсыра. Урҭ рыҟнытә 17430-ҩык рыҩныҟақәа рахь изыхнымҳәит. 22-ҩык иранашьан аҳаҭыртә хьӡы «Асовет Еидгыла Афырхаҵа» ҳәа. 1941 шықәса, жьҭаара 1 инаркны Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рыҟны, 16 инаркны 50 шықәсанӡа зхыҵуа ахацәа зегьы рус иаҟәымҭхкәа арратә ус дырҵара иалагоит. Аԥсны агәабзиарахьчара аусбарҭақәеи Аџьар Ҟаԥшьи амедицина аусзуҩцәа разыҟаҵара рҽазыркит: асанитартә инструкторцәеи амедиаҳәшьцәеи азыҟарҵон. “ Анхамҩатә усбарҭақәа рҟны афатә-ажәтә аиуразы абӷьыцқәа ршара иалагеит. Урҭ рыла ауаҩы иоур илшон ача, ашьақар, аџьыкахыш, уҳәа уб. егь. Зегь реиҳа ихадаз ача акәын. Аус зуаз ирырҭон 800 грамм, арра маҵура иахысуаз – 600, аҩнԥҳәыс – 500, ахәыҷы – 400. Ачатәы бӷьыцқәа рыдкылара иалкааны дәқьанк иадырҵон, уи аҟны акрызҭиуаз аԥҳәыс иахьатәи амш иақәшәоз акупон абӷьыц иамҷҷааны лаҳасабырбазы инлыжьуан. Евгени Чернышиов игәалашәарақәа зну ашәҟәы аҟнытә Ақалақьтә Хеилак аӡбарала, аҵагаларақәа 22 абомбаҽыԥхьакырҭақәа рылырхит. Иара убасгьы, идыргылап ҳәа ргәы иҭан даҽа 11 абомбаҽыԥхьакырҭа – аҳауатәи ахимиатәи жәыларақәа рыҟнытә ауааԥсыра рыхьчаразы. Аԥсны, аҳәаақәа ирзааигәаз ареспубликақәа зегьы рыҟнеиԥш, арратә ҭагылазаашьа рылаҳәан. Аҟәа иаларыжьыз анемц рҭҟәацгақәа руак, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Музеи аекспозициа ахәҭак © Наала Аҩӡԥҳа “ Арепродуктор ала ақалақь иалыҩуан аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа. Ажәлар еизаны уи иазыӡырҩуан. Ауааԥсыра ргәы иаанагон, иаарласны анемец ир ҵҟьа-шәҟьа иқәҵахоит ҳәа, аха раԥхьатәи ажәабжьқәа инадыркны еилыркааит уи ус ишымариамхоз. Афашистцәа арҭҟәацгақәа ҳалажьра иалагоит, ҳақалақьқәа рнапахьы иааргар рҭахуп. Евгени Чернышиов игәалашәарақәа зну ашәҟәы аҟнытә Афашисттә Германиа аиҳабыра Кавказ аҵакырадгьылқәа ржәыларазы аплан рымаӡамызт. Аха урҭ ргәы ишҭаз еиԥш иаарласны Асовет Еидгыла рнапаҿы ианырзаамга, Кавказҟа рхы дырхеит. 1941-1945 шықәсқәа рызтәи аибашьра ахсаала © Евгени Чернышиов ишәҟәы «Аԥсны 30-40-тәи ашықәсқәа рзы. Анемецтә авиациа Аҟәа арҭҟәацгақәа аларыжьуеит» аҟнытә. “ Ақалақь аҿы ахҵәацәа рацәахеит. Урҭ рыҟнытә ԥыҭҩык ишрылшоз ала анхара-анҵыра иалагон, егьырҭ – рымҩа иацҵо мрагыларахь ицон. Ирацәаҩын арҭҟаҵгақәа ирыхҟьаны зегьы зцәыӡыз – рҭаацәарақәа, рыҩнқәа. Евгени Чернышиов игәалашәарақәа зну ашәҟәы аҟнытә 1941 шықәса, нанҳәа 23 рзы Аахыҵкавказтәи арратә округ еиҭакын Аахыҵкавказтәи арратә фронт ҳәа. Адгылара ҟазҵоз атәылақәа рыр Иран иалалеит, уаҟа аибашьра аналага инаркны Асовет Еидгыла иаҿагылоз апровокациақәа лассы-лассы имҩаԥыргон. Уи, ҳәарада, Асовет Еидгыла аладатәи аҳәаақәа рҿы аҭагылазаашьа хәыҷык еиӷьнатәит. 1941-1945 шықәсқәа рзтәи аибашьра ахсаала © Евгени Чернышиов ишәҟәы «Аԥсны 30-40-тәи ашықәсқәа рзы. Анемецтә авиациа Аҟәа арҭҟәацгақәа аларыжьуеит» аҟнытә 1941 шықәса, цәыббрамза анҵәамҭазы Аԥсны иаԥшьгахоит ахыхьчаратә обиектқәа рыргылара. Уи аус иалахәын ареспубликаҿ инхоз, зхы иахәоз ахацәа зегьы. Аргыларақәа раан инарҭбааны ахархәара рыман арахә зыцрарҳәо атранспорт, еиҳаракгьы аԥсуа уардын. 1941 шықәса, абҵарамзазы Гәдоуҭатәи аҳабла Бамбора аҳаирбаӷәаза аргылара иалагоит. Хара имгакәа араҟа ҭыԥс ирзылырхит аҳаирплан ласқәа. Урҭ хықәкыс ирыман аԥырыҩцәа-аԥшыхәҩыцәа рыҟнытә ажәҩан ахьчара. Аԥырҩы-ажәылаҩ Кьаазым Хәаҭхәаҭ-иԥа Агрба ифотосахьеи, ианашьаз аҳаҭыртә бӷьыци, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Музеи аекспозициа ахәҭа © Наала Аҩӡԥҳа 1942 шықәсазы аҳаирплан «Иункерс-88» хҩык анемец ԥырҩцәа-аԥшыхәҩцәа зықәҭәаз, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны Гәдоуҭатәи араион аҟны итәар акәхеит. Ибналаз аԥырҩцәа хәымш ирышьҭан, аҵыхәтәан ирыԥшааит, иагьырытҟәеит. Анаҩс, аибашьра цонаҵы, аӷа Аԥсныҟа иааишьҭуан адиверсиатә гәыԥқәа, урҭ реиҳараҩык мраҭашәараҟа ицаз аурыс емигрантцәа ракәын. Анемец ҳаирпланқәа «Иункерс-88» © luftwaffephotos.com Асовет Еидгыла аиҳабыра агәаанагара рыман, анемеццәа мшынла Кавказ иажәлоит ҳәа, убри азгьы амшынтә-десант азырҟаҵарҵеит. Аха анемец ир шьаҟарла Кавказ иақәлеит. Аӷа игәҭакқәа еилкаахеит 1942 шықәса, рашәарамза анҵәамҭазы. Уи нахыс Ихадоу Кавказтәи ашьхеибаркыра акаҵәарақәа рыхьчараз аусмҩаԥгатәқәа ирылаган. 1942 шықәса, нанҳәамзазы Клыхәратәи ашьахыҵырҭа рыхьчон актәии, аҩбатәии ахысратә ротақәа, аминаршәгатә ҟәыра, ҩ-сапиор ҟәшак – иааизакны 218-ҩык ауааԥсыра, бџьарла иуԥхьаӡозар – 189 аурысшәақьқәа, 14 автомат, амина аршәгақәа 4, аӡы аҵаҟа ихысуа абџьарқәа 8. Ашьха ҩадахьалатәи албаараҿы ихадоу амҩа азырхиаратә усқәа заҵәык ракәын имҩаԥгаз. Еиҿкаан абарҭ аҭыԥқәа рыхьчара: ашьхахыҵырҭақәа – Клыхәра, Хьымца, Цагаркар, Чамашьха, Доу; ашьхақәа – Аӷәра, Ахцәырҩа, Быгьырцҳа, Дхзышра; ақыҭақәа – Чхалта, Захаровка. Иааизакны ахьчаратә операциа иалахәын 1890-ҩык ауаа, аурысшәақьқәа 1263, аӡы аҵаҟа ихысуа абџьарқәа 69, апулемиотқәа 14, аминаршәгақәа 35, автоматқәа 79, атанк аҽацәыхьчаратә бџьарқәа 20. Ус шакәызгьы, ахьчарада инхеит ашьхахыҵхырҭақәа Санчареи, Дамхәырци, иара убасгьы акырзҵазкуаз ашьхахыҵырҭатә мҩақәа, Нхыҵ-Кавказынтәи Аԥсныҟа иаауаз. Left Right Кавказ агаразы аибашьра © encyclopedia.mil.ru Ашьхахыҵырҭаҿы иԥшааз Ар Ҟаԥшь аибашьҩы ихатә маҭәахәқәа, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Музеи аекспозициа ахәҭа © Наала Аҩӡԥҳа Ашьхахыҵырҭаҿы иԥшааз Ар Ҟаԥшь аибашьҩы ихатә маҭәахәқәа, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Музеи аекспозициа ахәҭа © Наала Аҩӡԥҳа Нанҳәамза аҽеиҩшамҭаз анемец ар иаԥшьанагоит Пиатигорски, Моздоки, Тҟәаԥси ржәылара. Уи аамҭа инақәыршәаны иажәлеит Ихадоу Кавказтәи ашьхеибаркыра ахыҵырҭақәа. Кавказ анапаҿы аагаразы аоперациа афашисттә Германиа аиҳабыра хьыӡ ҷыдас иарҭеит «Едельвеис». “ Асқьалахьы аӷбақәа кыдгыло иалагеит. Урҭ ирҭыҵуаан ахәыҷқәа рааӡарҭақәа рыҟнытә иаашьҭыз ахәыҷқәеи, ааха ӷәӷәа змаз аибашьцәеи. Урҭ зегьы адәыӷба авокзал ахь иргон, уаантәи – иарбаз аҭыԥқәа рахь. Евгени Чернышиов игәалашәарақәа зну ашәҟәы аҟнытә Аӷа гәҭакыс иман Санчартәи, Клыхәратәи, Марыхәтәи ашьхахыҵырҭақәа дырхысны Аҟәеи, Гагреи, Гәдоуҭеи инапаҿы раагара. 1942 шықәса, нанҳәамзазы анемец ашьхахысратә дивизиа «Едельвеис» ашьхахыҵырҭақәа Клыхәреи Наҳари рнапаҿы иааргеит. Анемеццәа, ашьхаратә мҩахәасҭақәа ирныланы, асовет солдаҭцәа рыхьчаратә ргыларақәа ирывсны, ртыл ала инеиуеит. Аҭоурых излаҳәо ала, амҩақәа рыԥшааразы, анемеццәа ауасақәа раԥхьа иргыланы инарцон – арҭ аҭыԥқәа ибзианы издыруаз арахә, уадаҩрада амҩа рыԥшаауан. Нанҳәа 15 инаркны 19 рҟынӡа ашьхахыҵырҭақәа Клыхәреи Наҳари рҿы имҩаԥысуаз аидысларақәа рҟны асовет арр иацәыӡит 239-ҩык аибашьцәа, 34-ҩык ахәра роуит, хҩык – хабарда ибжьаӡит. Ус шакәызгьы, анемццәа ражәылара аанкылан, аидысларақәа ишырҿыц иаҿын. Вермахт ашьха шәарахҭҵааҩцәа Кавказ ашьхарақәа рҿы © photochronograph.ru “ Ажәҩан аҟнытә илеиуаз аԥҽыхақәа рҽырцәырыхьчарц азы, адәахьынтә ԥыҭҩык ауаа гәыҭҟьа-ԥсыҭҟьаха ҳаҩны иааҩнаххит. Аԥенџьыр аҟнытә даҳбон ҭакәажәык, лкьатеиқәа иҭыҵы, лымгәа иадырӷәӷәаланы ишылкыз. Ҳазегьы уи ҳлыхәаԥшуан, аха ҳлыцхраартә алшара ҳамамызт. Евгени Чернышиов игәалашәарақәа зну ашәҟәы аҟнытә 1942 шықәса, нанҳәа 15 рзы анемццәа раԥхьаӡа акәны ҳаир бџьарла Аҟәа иалахысит. Аӷбеи, абаржеи, аканџьеи ӡаадырҟәрылеит. Иҟан иҭахазгьы ихәызгьы. Уи нахыс анемеццәа лассы-лассы Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭарақәеи ирылахысуан. Аҟәа алахысра ахҟьа-ԥҟьақәа © Анзор Агәмаа иархив Нанҳәа 25 рзы анемеццәа иаԥшьыргеит Санчартәи ашьхахыҵырҭаҿгьы ажәылара. Урҭ ирылшеит аиланхарҭа хәыҷы Санчара (ақыҭа Псхәы аҵкараҿ иҟоу). Ақыҭауаа ршәақьқәа рыманы аӷа иҿагылеит, аха аиааира рзымгеит: абжаҩык бналеит, инхаз рабџьар рымхын. “ Сашьа Мартыни сареи, иара убасгьы ҳгәылацәа П. Захарови, П. Семененкои ҳаарыԥхьеит ақытсовет ахь. Уаҟа абџьар акра зылшоз зегь еизеит. Ақыҭа аиҳабыра дҵас иҳарҭеит, Ар Ҟаԥшь аиаанӡа анемец еибашьцәа рынкылара. Шәақьк ҩыџьа аибашьцәа ирыздырхон, 15 патрон нацҵаны. Убарҭ аамҭақәа рзы Ԥсҳәы ақыҭа инхоз игәалашәарақәа, А. Бобров ишҟәы «Ԥсҳәы амаӡақәа» ианылаз Анемеццәа ибзиаӡаны ирдыруан Аԥснытәи ашьхақәа рҿы иалдоу амҩахәасҭақәеи, ашьахыҵырҭақәеи. Аибашьра алагаанӡа, аԥсшьаҩцәа раҳасабала акырынтә Аԥсны иаҭаахьан, аратәи аҭыԥқәа ҭырҵаахьан. Убас, Ԥсҳәы инхоз Александра Шьепкина сасра длызнеит анемец ар аобер-леитенант, ашоколад ҳамҭас илиҭеит: «Ҵыԥх шәқыҭаҿы ҳаныҟаз акартош хааӡа иахьаҳҿашәҵаз азы» ҳәа лаҳәаны. Аибашьраҿы ахархәара змаз амаҭәахәқәа, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Музеи аекспозициа ахәҭа © Наала Аҩӡԥҳа Нанҳәа 27 рзы анемеццәа Ԥсҳәы иалсны Гәдоуҭа аганахь албаара рҽазыркит. Ақыҭарақәа Аҷандареи Ааци ианырзааигәаха, аҿагылара ӷәӷәа рыҭан. Иӷәӷәаз аидысларақәа мҩаԥысуан Марыхәтәи ашьхахыҵырҭаҿы. 1942 шықәса, цәыббрамза алагамҭазы аинрал Константин Леселиӡе командаҟаҵаҩыс дызмаз 46-тәи ар ажәыларахь ииасуеит, аӷа иҟнытә Ԥсҳәы ахы иақәиҭыртәуеит. Жьҭаарамза аҽеиҩшамҭаз Ихадоу Кавказтәи ашьхеибаркыра акаҵәарақәа рҿы асду леиуеит: уи аҵаулара ҩ-метрак инаӡон. Аибашьра амҩаԥгара залшомызт. Ашьхахыҵырҭақәа рахь афатә-ажәтәи абџьари рнагара. Афотосахьаҿы: аҽқәа рчаландар амҩаԥгаҩцәа – В. Смыр, В. Церекиӡе, Б. Ториунов, афото С. Короткова, 1942 шықәса © climbing.ru 1943 шықәса, ажьырныҳәамза азбжаразы афашисттә Германиа аиҳабыра ирыӡбеит, анемец еибашьцәа Ихадоу Кавказтәи ашьхеибаркыра акаҵәарақәа рыҟнытә ралгара: ишәон, Сталинградтәи аибашьра ду аҟны иаҵахар, урҭ амацәаз иҭакны инхар ҳәа. Афронт еиҳа-еиҳа Аԥсны иацәыхарахон. Асовет Еидгыла зегьы азы Кавказтәи ахырхарҭаҿы аиааира агара, ҳәарада, аполитикатә, арра-стратегиатә ҵак ду аман. Анемеццәа Кавказ рнапаҿы аагареи, анаҩс – Мрагылара Ааигәеи Абжьаратәи Мрагылареи рахь анеиразы ирымаз агәҭакқәа ԥыххаа ишьҭаҵан. Еиқәырхан анефт ахьыҵырхуаз ақалақьқәа – Грозныи, Бақәа, убасгьы Амшынеиқәатә флот. Асовет еибашьцәа ирылшеит Каспиатәи амшын ала Иранҟеи, Персиатәи аӡыбжьахалеи рахь ицоз амҩақәа раркра. «Асовет Еидгыла Афырхаҵа» ҳәа аҳаҭыр ҳьӡы рыхҵоуп: Арутиун Чакриан, Нои Адамиа, Ражьден Барцыц, Николаи Ходосов, Николаи Бериа, Владимир Очаленко, Георги Дермановски, Мигран Бастанджиа, Михаил Сахненко, Давид Таваӡе, Витали Попков, Владимир Ҳаразиа, Борис Гарин, Ерванд Гараниан, Николаи Редькин, Иван Зубков, Варлаим Габлиа, Иасон Кәакәасқьыр, Мелитон Кантариа, Арутиун Мелетиан, Иарослав Иосселиани, Константин Гонтарь. Left Right Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду алахәцәа: Мелитон Кантариа, Андроник Миносиан, Мери Аҩӡԥҳа © ok.ru Асовет Еидгыла Афырхаҵа Владимир Ҳаразиа ианашьаз аиаҵәеи, ифотосахьеи, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Музеи аекспозициа ахәҭа © Наала Аҩӡԥҳа Аинрал Ҳаразиа Ҳасан Лагәсҭан-иԥа ипарад маҭәа, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Музеи аекспозициа ахәҭа © Наала Аҩӡԥҳа Аорден Ахьӡ-Аԥша («Асовет Еидгыла Афырхаҵа» иаҟараны иԥхьаӡоу) ранашьан Иван Уанаҿа, Иродион Ҵулаиа, Арут Шушаниан Left Right Аиааира Апарад, лаҵарамза 9, Аҟәа, 2016 шықәса © Наала Аҩӡԥҳа Аиааира Апарад, лаҵарамза 9, Аҟәа,2016 шықәса © Наала Аҩӡԥҳа Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа © Наала Аҩӡԥҳа Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа © Наала Аҩӡԥҳа © Атекст автор - Асҭанда Арӡынԥҳа, аредактор – Ольга Солдатенкова, абильд-редактор – Наала Аҩӡԥҳа, аредактор хада – Амина Лазԥҳа
https://abaza.org/abk/apsny-ashkharach-imyuapysuaz-aidyslarakua-ajynjtylat-eibashra-du-atourykh-akynt
2024-02-23T03:49:38Z
<urn:uuid:6c231a6f-eb72-4a57-9abb-9510a854c82e>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
0.85
0.98
79
24,494
tlsh:T163BFFDB2AA40CB8FC6B3C559CF9289356CD16D434262B220CEC6F4B56646058EFFCC13EAFAE8058A649F1122D122BE216A0EFCE914BD7BE7719200A16D3F79DD27A435D69F
Аԥсни Шьамтәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа Феисал Микдади Инал Арӡынбеи аицҳәамҭа ҟарҵеит | Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра Аb • En • Ru • Tr Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ministry of Foreign Affairs of the Republic of Abkhazia Menu Аминистрразы Аминистр Аминистр ихаҭыԥуаа Аилазаара Азинмчрақәа Аофициалтә символика Адипломатиатә рангқәа Аҳамҭаҭара Ҳара шәыҽҳамажәда Ажәабжь ҿыцқәа Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Анотақәа Женеватәи аиҿцәажәарақәа Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Архив новостей Афотосахьақәа Авидео Адәныҟаполитикатә усура ахҳәаа Адәныҟатәи аполитика Аԥсны жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемаҟны Аԥсны иҟоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Аконсултә маҵзура Атәыла алаларазы азин Визада атәыла алалара Аконсултә еизгақәа Лассы-лассы иҟарҵо азҵаарақәа Аргаматәра Аккредитациа Аҳәынҭқарратә протокол адепартамент Адепартамент аусмҩаԥгатәқәеи ахықәкқәеи Аккредитациа амҩаԥгара Анкета для аккредитации Полезная информация Иҵоуроу аинформациа Аԥсны иазку азеиԥш информациа Аҳәынҭқарратә шьақәгылашьа Аҳәынҭқарратә символика Аҭоурых Акультура Аҳәынҭқарратә ныҳәақәа Иҵоуроу азхьарԥшқәа Поиск по сайту Аԥсни Шьамтәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа Феисал Микдади Инал Арӡынбеи аицҳәамҭа ҟарҵеит 25 August 2022 569 Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистр Феисал Микдади Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада Инал Арӡынбеи реицҳәамҭа 1.Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи, аринахыс Аганқәа ҳәа хьӡыс изауа адгылара рырҭоит Украина имҩаԥысуа арратә операциа ҷыдеи злахьынҵа зхала иҳәаақәызҵар зҭаху ДЖәРи ЛЖәРи егьырҭ Украина арегионқәеи руааԥсыреи. Аганқәа адгылоит аоперациа ҷыда – еиҳа ииашоу адунеитә еиҿкаара ашьақәыргылара иазырхоуп ҳәа ишьаны. 2.Аганқәа ақәыӡбоит Мраҭашәаратәи атәылақәа Аԥсны Аҳәынҭқарреи, Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи, Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ иаартны зҿахәы зҳәо атәылақәеи ирзыҟарҵо ақәыӷәӷәара, жәларбжьаратәи аилазаара азхьадырԥшуеит арҭ ақәыӷәӷәарақәа азакәан шьаҭа шрымам, ишҵакыдоу. 3. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи рыжәларқәа аӡәыкны иҟоуп жәларбжьаратәи атерроризм аҿагылараҿы. Аганқәа иазгәарҭоит атеррористтә гәыԥқәа жәпакы мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа ишаԥырҵази иахьагьы урҭ рҟынтәи адгылара шроуеи. 4.Аганқәа ааԥхьара ҟарҵоит Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҵакыра аанрыжьырц илигитимтәым аҳәаанырцәтә еиҿкаарақәа. 5.Аганқәа рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәеи рдипломатиатә миссиақәеи реинырра ахәҭаны ирыԥхьаӡоит евразиатәи аинтеграциа аиԥш аинтерес ззеицрымоу азҵаарақәа рҿы. 6.Аганқәа аицнаплакқәа реиҿкаара амҩала ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы иқәгылоит. 7.Аганқәа рыжәларқәа акультуратә еинырреи аибарбеиареи ринтерес шрымоу дырны аҵак ду арҭоит акультуреи атуризми русхкқәа рҿы аусеицура, аҿар рыбжьара адиалог арҭбаара, аҵареи аҭҵаарадырреи русхк аҟны аусеицура.
http://mfaapsny.org/allnews/news/embassies/sovmestnoe-zayavlenie-ministra-inostrannykh-del-respubliki-abkhaziya-i-b-ardzinba-i-ministra-inostra/
2024-02-22T12:02:01Z
<urn:uuid:5b4f009f-5367-4786-b986-18aa1e505a51>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.91
0.84
0.97
51
5,507
tlsh:T149807BB14604CB9BC673C0889A52CC3559C2A8178225B270CFD4F5701A5209EDBFCE13EAF5AC698A649B1622D646AF19560BFDE974BD3ED3715200E12E6E38ED33A477C2DD
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Аинвестициатә программа асиа иалаҵоу аобиектқәа рыргыларатә усурақәа лассы рхыркәашара азҵаарақәа ирызкыз аусуратә еилацәажәара. 12.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аконституциа ахәҭаҷ 45 инақәыршәаны Аҧсны Жәлар Реизарахь ирхынҳәит жәабран 25, 2015ш. ирыдыркылаз «Атәылауаҩра аҭагылазаашьа иазку Актқәа рзы» Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аконституциа ахәҭаҷ 45 инақәыршәаны Аҧсны Жәлар Реизарахь ирхынҳәит жәабран 25, 2015ш. ирыдыркылаз «Атәылауаҩра аҭагылазаашьа иазку Актқәа рзы» 11.03.2015 Адәныҟатәи аполитика ҳәоуеиқәшәарала амҩаҧгара алыршара иазку аусмҩаҧгатәқәа рзы Амеморандум анапаҵаҩразы ахцәажәарақәа Хәажәкыра 11 Москва Аҧсни Урыстәылеи адәныҟатәи русқәа рзы аминистрцәа Виачеслав Чрыгбеи Сергеи Лаврови ҳәоуеиқәшәарала Адәныҟатәи аполитика амҩаҧгара алыршара иазку аусмҩаҧгатәқәа рзы Амеморандум рнапы аҵарҩит. 03.03.2015 Ишьақәырҕәҕәоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара астратегиа 2025 шықәсанӡа Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит «Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара астратегиа 2025 шықәсанӡа ашьақәырҕәҕәаразы» Аусҧҟа. 23.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Герзмааҧҳа лҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иналукааша аоператә шәаҳәаҩы, Аҧсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Герзмааҧҳа дылҧылеит 20.02.2015 Аҧсны Ахадеи Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәеи реиҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа Жәабран 20, 2015 шықәса, Аҟәа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дырҧылеит Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа –анаплакыҩцәа, абизнесуаа. 19.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа араион ауаажәларра рхаҭарнкцәа рҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа араион актив дырҧылеит 18.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Мушьни Лашәриа иҧылара иазку Хәажәкыра 18, 2015ш., Аҟәа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иеицырдыруа аҧсуа поет, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, академик Мушьни Лашәриа диҧылеит. 18.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигаз аилацәажәара иазку АИХ рзы ацҳамҭа Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны абанк аҿы аиҭакрақәа ирызкыз аилацәажәара мҩаҧигеит 18.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ақыҭанхамҩа азҵаарақәа ирыдҳәаланы имҩаҧигаз аилацәажәара иазку АИХ рзы ацҳамҭа Ахада Иусбарҭа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ақыҭанхамҩа азҵаарақәа ирызкыз аилацәажәара мҩаҧигеит. 16.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Владиславом Суркови реиҧылара иазку аинформациатә цҳамҭа Аҟәа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дырҧылеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Владиславом Сурков напхгара ззиуаз аделегациа 13.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигаз аилацәажәара иазку АИХ азы ацҳамҭа Ахада Иусбарҭа. Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит ашәахтә система аиҭакреи аиҕьтәреи ирызкыз аилацәажәара. 19.01.2015 Аҧсны Ахада Иусҧҟа Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азҵаарақәа рзы Ахада идҵала Ҭали Шьалико-иҧҳа Џьапуаҧҳа даҭоуп Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азҵаарақәа рзы Аҧсны Ахада ицхырааҩыс. 23.12.2014 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аҧсны жәлар рартист Алиса Гыцҧҳаи реиҧылара иазку АИХ азы ацҳамҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Москватәи амузыкатә театр «Геликон-Опера» асолист, Аҧсны жәлар рартист, Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артист Алиса Гыцҧҳа 16.12.2014 Рауль Ҳаџьымба далахәын Арсени Константин-иҧа Ҳашба игәалашәара иазкыз аконференциа Аконференциа мҩаҧысуан Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аконференц-зал аҟны, иагьазкын иналукааша абызшәадырҩы, аҧсуаҭҵааҩы, Аҧснытәи атәылаҿацәҭҵаара аинститут актәи адиректор Арсени Ҳашба110 шықәсаихыҵра. 03.12.2014 Рауль Ҳаџьымба дырҭааит Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаа аусбарҭа аобиектқәа Гал араион аҟны Апрограмма актәи апункт ала иахәаҧшын аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра Агәаҭаратә Аужьратә Пункт «Егры». ААП аиҳабы Рауль Ҳаџьымба иҟынӡа инаигеит иҟоу аҭагылазаашьа, Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра аицгәаҭара аиҿкаареи амҩаҧгареи шымҩаҧысуа ртәы. 21.11.2014 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәеи реиҧылара иазку Аҟәа. Имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Нхыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа 12.11.2014 ЗҲӘА “НХЫҴКАВРЕНТГЕН-Д” анапхгара аҧылара Рауль Ҳаџьымба идикылеит Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликаҟнытә арентгентә мыруга еилахәыра-аҭыжьҩцәа рхаҭарнакцәа – ЗҲӘА «Нхыҵкаврентген-Д» адиректор хада Бетал Хуштови ари аилахәыра адиректорцәа рхеилак ахантәаҩы Роман Пономаренкои. 08.06.2014 Аконституциатә реформазы акомиссиа аилатәара Рауль Ҳаџьымба хантәаҩра азиуан ажьырныҳәа 22, 2015 шықәсазы Аҧсны Ахада Иусҧҟала иаҧҵаз Аконституциатә реформазы акомиссиа аилатәара. Ахада иажәалагалаҟны иазгәеиҭеит: 21.05.2014 Аҧсны Ахада иҟны ицәыргоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа арҽеира алагаларазы аконституциатә закәан апроект Аконституциатә реформа актәи аамҭахҵәаха аҳәаа иҭагӡаны Валери Агрба хантәаҩра ззиуа аусуратә гәыҧ Аҧсны Ахада иҟны ицәырнагеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа арҽеира алагаларазы “Аҧсны жәлар Реизара ахыҧхьаӡаратә шьақәгылашьазы” аконституциатә закәан апроект
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/7010?print=Y&PAGEN_1=148
2024-02-29T09:39:29Z
<urn:uuid:b4d91470-6ce7-4e11-8888-812fb80dbcdc>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.95
1
41
9,438
tlsh:T19EBED4128A40CF4BD0F7C469CF91AB319DD1989B0261B671CDC8F0F01742189EBFCD13ADEAD81A8AA4FB1511E162BF01690AFDE526BDAE97311504A43E3F78D9369476C19E
Асида Шьаҟрыл атәыла Ахада ашәҟәы изылҩит: Азинмчра змоу АШәМ ауаа «аиҿцәажәаразы» рааԥхьара анырра рыҭара аҳасаб ала ахәшьара алҭоит атәылаҿы ажәа ахақәиҭраҿы аԥкрақәа рыҟалара хықәкыс измоу знеишьак аҳасаб ала 11.04.2022 Асида Шьаҟрыл атәыла Ахада ашәҟәы изылҩит: Азинмчра змоу АШәМ ауаа «аиҿцәажәаразы» рааԥхьара анырра рыҭара аҳасаб ала ахәшьара алҭоит атәылаҿы ажәа ахақәиҭраҿы аԥкрақәа рыҟалара хықәкыс измоу знеишьак аҳасаб ала Иаҳкьыԥхьуеит ашәҟәы атекст харҭәааны: Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Аҵыхәтәантәи аамҭазы атәылауаа рхыԥхьаӡараҟнытә АА АШәМ, ус иаҳзахьӡҵозар, «аиҿцәажәарахь» рааԥхьарақәа рхыԥхьаӡара ацлеит. Агәҭынчымра узцәырызго иреиуоуп ауаа ажәлар ирылагыланы еиуеиԥшым азҵаарақәа ирызкны ргәаанагарақәа анырҳәалак нахыс иахьрызҿырҭуа, аха уи азгьы мацара акәӡам. Ас еиԥш иҟоу аиҿцәажәарақәа рахь ирызҿырҭуеит еиуеиԥшым ахеидкылақәа рхаҭарнакцәа. АШәМ аусзуҩцәа ирызцәырҵуа амзызқәа, иҟалап, еиуеиԥшымзаргьы, аха иара убри аамҭазгьы урҭ есагь еилкааны иҟаӡам. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы изызҿырҭуа иреиуоуп Украина имҩаԥысуа ишьаарҵәыроу аиҿыхарақәа аҟәырхырц азы ауааԥсыра разыҳәара знапы аҵазыҩқәаз. Азакәан иадгылоу ауаа ус еиԥш иаҳзахьӡҵозар «аиҿцәажәарахь» рааԥхьара сара хаҭала ахәшьара асҭоит ҳауаажәлар анырра рыҭаразы азнеишьақәа ракәны насгьы Аԥсны ажәа аҳәаразы азини егьырҭ азинқәеи рҟны аԥкрақәа раҳасаб ала. Аԥсуа жәлар ибзианы иргәалашәоит Сталини Бериеи рнапхгарала атоталитартә система раԥхьаӡа иара иагәамԥхоз ауаа шықәнахуаз, анаҩс уи амаҵ азызуазгьы шаҭара шазырымуаз иазку аҭоурых. Аԥсны иҟаз Сталинтәи атеррор иззырхаз иреиуан, раԥхьаӡа иргыланы, аԥсуаа рҟны аҵара змақәаз, аԥсуа интеллигенциа, уи зегьы иааидкыланы ҳмилаҭԥшшәы аԥыхра иалҵшәахеит. Арепрессиақәа ашықәсқәа анҵы ирышьҭагылеит аиҭашьақәыргыларақәа, аха уи аамҭазы арепрессиа иахысқәаз хыԥхьаӡара рацәаҩыла рыԥсҭазаара иалҵхьан, мамзаргьы иҟан хнырҳәышьа змам злахьынҵақәа ҿаԥҽызгьы. Ҳтоурых ҳхамышҭлароуп, иҭархагоу аиашара зҵаӡами изакәантәыми аҭоурыхтә ӡыблара иаҳнаҭаз аԥышәа аиҭаҟалара алмыршаразы. АА АШәМ аҟны изызҿырҭуа иреиуоуп зыԥсҭазаара ажәлар рҿаԥхьа имҩасуа; Аԥсны аибашьра ҟалаанӡатәи, аибашьра аамҭазтәи, аибашьра нахыстәи аамҭақәа рзы ианакәзаалак ҳауаажәлар ринтересқәа зыхьчақәоз насгьы иахьагьы ҳҳәынҭқарра аҿиараҟны злагала рацәоу. Убри ианамаданы ицәырҵуеит азҵаара: иарбан ҟазшьоу иаанарԥшуа ҳҳәынҭқарра, АШәМ ашҟа абарҭ реиԥш иҟоу ауаа ирызҿыҭуа, ҳҳәынҭқарра ашәарҭадара аиқәыршәараҿы абри апрактика аҵакы иабанӡаҵаулоу? Амилаҭуааԥсыраҟнытә ауаа аиҿцәаразы ишаарту изныкымкәа ирҳәахьеит насгьы дара рахәаԥшра шьаҭас иазышьҭоу аилыркаарагьы иазыхиоуп иарбанзаалак азҵааразы аиҿцәажәараҭаҭыԥ зеиԥшразаалакгьы, иарку ма иаарту аиҿцәажәарҭаҟны, иара убас АШәМ аусзуҩцәагьы адыԥхьаланы. АШәМ ауаа «аиҿцәажәарахь» рааԥхьаразы разхиара атәылаҿы ажәа аҳәаразы азин аԥкра ада даҽакала ахәаԥшышьа залшом. Ус узахьӡҵозар АШәМ аҟны аиҿцәажәарақәа Сталин ихаан ААЖәР (НКВД) аусура аметодқәа угәаладмыршәар ауӡом. Абарҭқәа зегьы адемократиа анорма хадаӡақәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ашьаҭақәа рҿы иазгәаҭоу рахьтә иахымыццаакуа ацәхьаҵра агәҭынчымратә дыргоуп. Хыхь иазгәаҭоу хшыҩзышьҭра аҭо ихымԥадатәны исыԥхьаӡоит АА АШәМ амаҵурауаа русмҩаԥгараҿы азакәантәра ахьынӡақәныҟәоу амаҵуратә гәаҭарақәа рымҩаԥгара, адемократиатә ҳәынҭқарразы ҟалашьа змам азакәан иқәныҟәақәо ауаа фақтлатәи азҵаараҟаҵарала ргәаҭара, иара убас ауаа рзинеилагареи ауаҩы ихақәиҭреи рызҵаатәы, агәаанагарақәа рыҟаларази урҭ рҳәарази азинқәа, АА Аконституциаҟни жәларбжьаратәи аусшәҟәқәеи рҟны ишьақәырӷәӷәақәоу. Хымԥада еилкаатәуп ас еиԥш иҟоу аамҭаԥсахрақәа аинициаторцәа мотивс ирымаз, ҳтәылаҿы агәреибамгара ацәыргалара алзыршақәаз. АА атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭреи рҟны аԥкрақәа АА АШәМ аусзуҩцәа рганахьынтә рыҟалара афақт иадекваттәу анырра роуп, АА Аконституциа инақәыршәаны, насгьы ахара зду рхарара ныҟәыргап ҳәа агәыӷра аасырԥшырц алшара сышәҭ.
http://ombudsmanra.org/ap/press-tsentr/novosti/738/
2024-03-02T05:36:57Z
<urn:uuid:849c919a-1a59-4c47-a9a8-db21e3221aaa>
[]
[]
abk-Cyrl
1
0.92
1
13
7,199
tlsh:T143FED3E14980D78BC5B3C059CB918931A8C168024773B3708EC9F4B12516069FBFCD139AEBE80A4A70AB1561D162BF11955AECEA617DBBD770C240E56D3F38DD37A875C6AF
Ҭаҭиеи, Ҭамари, Еленеи Европа аҿартә чемпионат аҿы аҧхьахәтә ҭыҧқәа ааныркылеит. Жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа рыхҩыкгьы рспорттә ҭоурыхқәа еиҧшуп. Абокс иахьатәи рыҧсҭазараҿы ахадаратә ҭыҧ ааннакылоит, ҳаҧхьаҟа занааҭс иалырхыр ауеит. Аспорт ари ахкы бзиа ирбан, аҽазыҟаҵра иалагеит, уажәазы аспорт рыҧсҭазаараҿы зегьы реиҳа бзиа ирбо усуп. Убри аҟынтә, аӡынразы, хәылбыҽхан, асааҭ ааба рзы, ианыхәлоу, ианхьшәашәароу, имаашьакәа, аҧхарра ахьыҟам азал ашҟа ицаны, рҽазыҟарҵоит. Ҷыдала еиҿкаау аринг аҿы рымчқәа рҧышәоит, рҭаҷкәымқәа рыла разыҟаҵаҩ инапсыргәыҵа иасуа, ақырҭуа уаажәларраҿы ишьақәгылоу астереотип арбгара иаҿуп. Иара убас, рыкәша - мыкәша иҟоу ауаа агәра ддыргар рҭахуп абокс дара ишырусу. Ҭаҭиа Букиа Ҭаҭиа 14 шықәса лхыҵуеит. Шықәсыки бжаки роуп иҵхьоу аҽазыҟаҵара далагеижьҭеи, абри аамҭа кьаҿ иалагӡаны, жәа медалк лоухьеит. Урҭ рҟынтәи зегьы реиҳа ихадоуп Европа ачемпионат аҿы илгаз араӡнытә медал. Уи ҵыҧх ауп ианыҟалаз. Усҟан ирландиатәи украинатәи аспортсменцәа дыриааит, аха, афинал аҿы англыз ӡҕаб дылҧылан, даҵахеит. "Сара саб ибзоуралоуп абокс ашҟа аныҟәара сшалагаз. Сад дкомиссарын, саргьы абри азанааҭ сымазар сҭахын, иара сиеиҧшзар сҭахын. Убри аҟынтә, ахацәа рспорт иаҳа сазҿлымҳан, абокс салаларц сыӡбеит", - илҳәеит Ҭаҭиа "Лаивпресс" акорреспондент данлацәажәоз. Аханатә, лҭаацәа уамашәа ирбеит лара абри аҩыза аӡбара ахьлыдылкылаз. Аха, абокс занааҭс иалысхуеит ҳәа анылҳәа, даргьы мап рымкит. Лыкәша -мыкәша иҟоу ауаагьы лара абокс дахьалалаз уамашәа ирбеит, аха, уи амшала ҽакала илыхәаҧшуа иаламгеит. Раҧхьатәи ақәҿиареи ахьтәы медали ирласӡаны илоуит. Уи Сенаки имҩаҧгаз аицлабрақәа рҿы иҟалеит. Уи анеҩс, Қырҭтәылеи уи анҭыҵи, еиуеиҧшым аицлабрақәа рҿы иҵегьы 9 медалк лгеит. Арҭ амедалқәа рҟынтәи акызаҵәык араӡнытәиуп, егьырҭ зегьы ахьтәы медалқәа роуп. "Абокс ауп сара сзы зегьы реиҳа ихадоу. Уи сарҭынчуеит. Ҳаҧхьаҟагьы уи ауп занааҭс иалсхуа. Абри аус аҿы схы аасырҧшит ҳәа сгәы иаанагоит", - илҳәеит Ҭаҭиа. Марио Пиузо иҧҵамҭақәа бзиа илбоит, аамҭа анлымоу ашәҟәқәа дрыҧхьоит. Аха, зны-зынла ауп абри аҩыза алшара анлымоу. Ашкол, аҽазыҟаҵарақәа, аицлабрақәа - абас ауп абоксиор ӡҕаб дшынхо. Лгәы ишаанаго ала, абокс аӡҕабцәагьы ирнаалоит, аха, лара лгәаанагара иақәшаҳаҭым ауаа рацәоуп. Ҭамар Самелиа 14 шықәса зхыҵуа Ҭамар Самелиагьы, Ҭаҭиа леиҧшҵәҟьа, лыҧсҭазаара зегьы абокс ишазылкуа лдыруеит. Ишылҳәаз ала, абокс ауп лыҧсҭазаараҿы зегьы реиҳа ихадоу. Лажәа кьаҿуп, аха, уезгьы, дыҧхашьа - ҧхаҵо, зегьы реиҳа ихадоу лҳәеит - дкарахаанӡа боксла аисра лҭахуп, лхы данақәиҭугьы уи ада акгьы лҭахӡам. 8 мза раҧхьа, лан, раҧхьаӡа акәны аспортзал ашҟа дналгеит. Башьа хәыҷы аҽазыҟаҵара дшаҿу ббап ҳәа лалҳәеит. Ҭамар изныкымкәа мап лкит, аха, аҵыхәтәаны, лан лаҳаҭыр баны дцан, убри инаркны абокс даҿынҵәаауеит. "Сара абокс салаларц аӡәгьы иҭахӡамызт, зегьы раҵкыс санду илҭахӡамызт, избанзар уи аӡҕаб илусым ҳәа ргәы иаанагон, аха, нас, гәыкала ишысҭаху анырба, азин сырҭеит", - иаҳзеиҭалҳәоит Ҭамар. Лҩызцәа лара лыӡбара ргәаҧхеит. Аханатә иџьаршьеит - аӡҕаби абокси еинаалом ҳәа, аха, иахьа ҽакала ргәы иаанагоит, лықәҿиарақәа иреигәырҕьоит. Ишылҳәаз ала, лара ари аспорт ахобби аҳасаб ала акәӡам дшазныҟәо, занааҭс иалылхыр лҭахуп. Раҧхьатәи аиааира лгеит Жәыргьыҭ имҩаҧысуаз жәларбжьаратәи атурнир аҿы. Ҵыҧх, Европа ачемпионат аҿы аџьазтә медал лгеит. Усҟан хымз заҵәы ракәын иҵуаз аҽазыҟаҵара далагеижьҭеи, аринг аҿы ақәгылара аганахьала изакәызаалак ҧышәак лымамызт. Ҭамар лгәы ишаанаго ала, аспорт аҿы аӡҕабцәеи аҷкәынцәеи еилых рымам. Ишылҳәаз ала, аҷкәынцәа излоу аспорт хкқәа рҿы аӡҕабцәагьы лбоит, убри азоуп абас лгәы изаанаго. Лара 3 медалк лгахьеит. Ахьтәы 2 меалки аџьазтә медалки. Елене Ҭодуа Елене лҭоурыхгьы Ҭаҭиеи Ҭамари рҭоурыхқәа иреиҧшуп. Лашьа дшыхәыҷыз абокс ашҟа аныҟәра далагеит, рҭаацәараҿы аспорт ари ахкы ҷыдала иргәаҧхоит. Абри зегьы лара лзы анырра аиун, шықәсык аҧхьа аҽазыҟаҵара далагарц лыӡбеит. Убри ашьҭахь, абокс сыҧсҭазаара исзалхуам ҳәа лҳәеит. Аҩызцәа ҿыцқәа, еиуеиҧшым ахҭысқәа, алагылазаара ҿыц - аспорт аӡҕаб қәыҧш лыҧсҭазаара ашҟа имаҷымкәа аиҭакрақәа аланагалеит. 14 шықәса роуп илхыҵуа, аха, Европа ачемпионат аҿы аџьазтә медали, Қырҭтәыла ачемпионат аҿы ахьтәы медали лгахьеит. "Сҭаацәара аспорт даараӡа бзиа ирбоит, убри аҟынтә, иаразнак исықәшаҳаҭхеит. Сыкәша - мыкәша џьоукы ирҳәон абокс аӡҕаб илтәым ҳәа, аха сара уи сақәшаҳаҭым", - иҳалҳәеит Елена. Лҩызцәа илықәгәыҕуеит. Лассы - лассы иларҳәоит - бара боуп ҳзыхьчаша, бара ббоксиоруп, ҳбықәгәыҕуеит ҳәа. Аҧсҭазаараҿы знык абокс амаана лхы иалырхәит, сдыргәаан, аҭак рысҭеит ҳәа лҳәеит. Елене хықәкыс илымоуп Европеи, адунеи, егьырҭ жәларбжьаратәи атурнирқәеи рҿы аиааира агара. Макьана 4 медалк мацара ауп илымоу – ахьтәы 3 медалки аџьазтә медалки. Аха, Ҭаҭиеи Ҭамари дреиҧшымкәа, аспорт лара лыҧсҭазаараҿы ахобби аҳасаб мацарала иаанхоит. Ҳаҧхьаҟа занааҭс иалылхуа макьана илымӡбацт. Уаанӡа лкумир ҳәсақәа - Шелдии Ҳамери дреиҧшзар лҭахуп. Лхы данақәиҭу, бжеиҳарала, ажанрла еиуеиҧшым афильмқәа дрыхәаҧшуеит. Аҳәсатә бокс Жәыргьыҭ ақалақь аҿы Жәыргьыҭ аҳәсатә бокс иҟоижьҭеи ҩышықәса ҵуеит. Иахьа, абра, аспорткомплекс азал аҿы 20ҩык аӡҕабцәа рҽазыҟарҵоит. Урҭ рҟынтәи зегьы иреиҵбу фышықәса лхыҵуеит, зегьы иреиҳабацәоу 14-15 шықәса. Дара Гига Ҭодуа иазыҟаиҵоит. Азыҟаҵаҩ агәра ганы дыҟоуп абокс, раҧхьа иргыланы, аӡҕабцәа ишырусу: "Уаҵәи уаҵәашьҭахьи арҭ аӡҕабцәа рызҳауеит. Аҽазыҟаҵара иаҿу аӡҕабцәа, ҩнуҵҟала изҩыдоуп. Урҭ рхылҵгьы ишаҧу ала ирааӡоит, ақырҭуаа ишҳақәнагоу ала. Ас еиҧш иҟоу аҿар ҳамазароуп". Дара аҽазыҟаҵара иахьаҿу азал аҿы аспорт егьырҭ ахкқәа рзгьы аҿар рҽазыҟарҵоит, аха акарате, абокс, мамзаргьы амҵәышәампыл азы зҽазыҟазҵо аӡҕабцәа уи рҧырхагам. Аҧыза-министр Гьаргь Гахариеи аҭыҧантәи анапхгареи азыҟаҵаҩ ажәа ирҭеит абокс азы хазы азал шеиҿыркаауа азы. Жәабран азы Қырҭтәыла ачемпионат мҩаҧысраны иҟоуп. Анеҩс, арҭ аӡҕабцәа, еиҭах Европаҟа идәықәлоит. Ари aмaтериaлқәa 09:58 / 24.10.2021 Наҭиа Гаделиа - Адунеи ачемпионс дҟалеит [афото] Аспорт Мышқәак раҧхьа, аштангист ӡҕаб Наҭиа Гаделиа Саудтәи Аравиа имҩаҧысуаз адунеи ачемпионат аҟынтә илызгәакьоу жәыргьыҭтәи ақыҭа Риҟеҟа дхынҳәит адунеи ачемпион атитул ала. Лшьамхаҿы атравма шлымазгьы, Наҭиа лхықәкы налыгӡеит. Аспортсмен ӡҕаб лазыҟаҵаҩгьы лызгәыбылцәагьы агәырҕьара ду рзаалгеит. Қырҭтәылеи Европеи рчемпион адунеи ачемпионат аҿы 17 шықәсанӡа зхыҵуа аспортсменцәа рыгәҭа қәҿиарала дықәгылеит - ашьҭқәыцәаараҿы 85/88/91 кьылала араӡнытә медал лгеит. Ирҭрысны ашьҭыхраҿы 108/113/117 кьыла шьҭыхны, ахьтәы медал лгеит. Ҩ-хкык рыла аицлабраҿгьы 208 кьыла шьҭыхны, ахьтәы медал лган, адунеи ачемпионат аҿы Қырҭтәыла хьыӡрашәа дырҳәаратәы иҟалҵеит. Убри адагьы, аштангист ӡҕаб ашьҭқәыцәаареи ҩ-хкык рыла аицлабреи рҿы 4 – 4 кьыла рыла Қырҭтәыла арекорд еиҕьалтәит. Ишылҳәо ала, аиааира ашьҭахь, лара илзымдыуаз ауаа рҟынтәи илоуз абзиареи ажәа хаақәеигәызҭаҵагас илзыҟалан, иаҳа еиҕьны аҽазыҟаҵара далагоит. Аспортсмен ӡҕаб ишылҳәаз ала, уажәазы лара лзы аҵакы хада амоуп 2022 шықәсазы ибзианы аҽазыҟаҵара, избанзар ҳаҧхьаҟа имаҷымкәа жәларбжьаратәи атурнирқәа лзыҧшуп. „Зеиҧшҟамлац ала амотивациа ду сымоуп. Арҭ ауаа еснагь агәахәара рзаагара сҽазыскуеит“, - илҳәеит Наҭиа. Лара зегьы раасҭа бзиа илбо ақәыҧшылараҿы, Риҟетәи аспорттә зал аҿы есымша лҽазыҟалҵоит, лазыҟаҵаҩ хада Бежан Ҷиҷинаӡе илиҭо адҵақәа зегьы ишахәҭоу ала иналыгӡар лҭахуп. „Абри азал аҟынтәи ауп зегьы шалагаз, сазыҟаҵаҩ Бежан Ҷиҷинаӡе ибзоурала. Аброуп раҧхьатәи ашьаҿақәа ахьыҟасҵаз, анеҩс, амилаҭтә аизгашҟа сыргеит, аха, зегьы иреиҕьу сцәаныррақәа абри азал иадҳәалоуп. Абрахь санаауа, еснагь гәыкала сгәырҕьоит, исылшо зегьы ҟасҵар сҭахуп“, - иҳалҳәеит Наҭиа Гаделиа. Лара адунеи ачемпионс дҟалеит жьҭаара 11 рзы, Баҭым иҟалаз арыцҳара амшала Қырҭтәыла алахьеиқәҵаратә мшы анрылаҳәаз. Наҭиа абри арыцҳара даараӡа лгәы иалсит, лиааира иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа ирзылкит. Риҟетәи аштангатә школ аҵаҩцәа рҟынтәи лара лымацара лакәӡам Саудтәи Аравиа имҩаҧысуаз ачемпионат аҿы ақәҿиара зауз. Аштангист Гурам Векуа араӡнытә 3 медалк игеит, Николоз Асарҭиа аџьазтә медалки араӡнытә 2 медалки игеит. Дара авице-чемпионцәаны иҟалеит. Азыҟаҵаҩ хада Бежан Ҷиҷинаӡе иҵаҩцәа ироуз алҵшәақәа игәаҧхоит. Иара иҵаҩцәа абри аҩыза ақәҿиарақәа ахьроуз уамашәа имбеит, избанзар, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аицлабрақәа рҟынтә амедалқәа рыда ихнымҳәыцт. Аспортсменцәа апандемиагьы рҧырхагамхеит, избанзар дара еиҧҟьарада рҽазыҟарҵоит, аицлабрақәа рахь рҽазыҟаҵаны ицеит. Бежан Ҷиҷинаӡе иҳәамҭала, аспортсмен иахәҭоу аҧҟарақәа наигӡалар, игәахәтәы анагӡаразы ихы дамеигӡакәа аус иур, хымҧада ақәҿиара иоуеит. „Аспорт ахатә ҧҟарақәа амоуп, урҭ еилаугар, ухықәкы узынагӡом. Абри аус аҿы адисциплина ауп ихадоу. Зегьы рыла уеиҿказаароуп - аҽазыҟаҵара аангьы адәахьгьы“, - иҳәеит азыҟаҵаҩ хада. Иара ирхыргахьоу ауадаҩрақәа игәалаиршәеит, Наҭаиа, аспортсмен ӡҕаб лаҳасабала, абри зегьы ҷыдала илцәыуадаҩын. Наҭиа лыкәша-мыкәша иҟоу ауаа реиҳара аштанга аҧҳәыс илусым, даҽа хырхарҭак ала лхы лҧышәароуп ҳәа ирыҧхьаӡон. „Наҭиа имаҷымкәа ауадаҩрақәа дырхысит. Амҩан илҧылозгьы еснагь иларҳәон, Наҭиа абри аспорт баҭәаҳшьом, иалабхузеи ҳәа. Сара еснагь иласҳәон, абри аус аҿы бманшәалахоит ҳәа. Избанзар лара лхаҭа ари аспорт алылхит, ибҭаху ибҭахыму абри аспорт балалароуп ҳәа аӡәгьы илеимҳәеит. Лара лхала дааины, аҽазыҟаҵара далагеит. Саргьы акыр слыцхраан, адунеи ачемпионс дҟалеит“, - иҳаиҳәеит Бежан Ҷиҷинаӡе. Риҟетәи ашкол аштангистцәа рықәҿиарақәа егьырҭ аҿарацәагьы гәызҭаҵагас ирзыҟалеит, аспорт абри ахкы ашҟа есышықәса азҿлымҳара азҳауеит. Уажәазы аспортшкол иҭоуп 40ҩык аҵаҩцәа. Риҟе мацара акәымкәа, егьырҭ ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҟынтәгьы абрахь иааны рҽазыҟарҵоит. Азыҟаҵаҩ ишиҳәаз ала, апандемиа амшала агәыҧқәа еиҟәыршеит, есымша 3-4 етапла рҽазыҟарҵоит. Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла, ҳаҧхьаҟа ашкол иаҳа идуу азал аҭаххоит. Адунеи ачемпион Наҭиа Гаделиа аштанга знапы азыркыр зҭаху ақьыҭаӡҕабцәа рзы дҿырҧшыгахеит. Наҭиа дналываргыланы, даҽа ӡҕабкгьы ашкол дҭалоит, аха адунеи ачемпион ишылҳәаз ала, хара имгакәа иаҳа ирацәаны аӡҕабцәа абри аус рҽазыркуеит. 17:31 / 05.02.2020 Аҳәса рспорт акәӡам ҳәа аҳәара иаҿын, сара маӡала азыҟаҵарашҟа сцон - амилаҭтә аизга иалоу Хобитәи аӡҕаб Аспорт 19 шықәсанӡа зхыҵуа Қырҭтәыла аҳәса реизга Европа ачемпионат азы аҽазыҟаҵара иаҿуп, 10:02 / 04.11.2019 Абашатәи аӡиудоистӡҕаб Европа ачемпионс дҟалеит Аспорт Урыстәылатәи ақалақьт Ижевск имҩаҧысуаз 23 шықәсанӡа зхыҵуа рыбжьара аӡиудо 10:34 / 29.10.2019 Жәыргьыҭтәи aштaнгист Европa aчемпионaт aҿы aџьaзтә медaл иоуит Аспорт Румынтәылa имҩaҧысуaз 23 шықәсaнӡa зхыҵуa aҿaр рыгәҭa Европa aчемпионaт Архив Аспорт Акоронавирус Апопулиaртә Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Асоветтә репрессиақәа Ажәaбжь ҿыцқәa 11:02 / 23 Нaнҳәa Иракли Ҕарибашвили Ҟрымтәи аплатформа алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, 11:15 / 12 Нaнҳәa Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, хымчыбжь аҿҳәарала аҧкрақәак шьақәгылазаауеит Қырҭтәылагьы, адунеи аҿгьы аепидемиологиатә 12:48 / 08 Жьҭaaрa USAID-Қырҭтәыла Аҧсны иарҭеит акоронавирус аҽыхьчаратә тестқәеи адиагностикатә хархәагақәеи USAID/Қырҭтәыла Аҧсны иҟоу ахәышәтәырҭақәеи 12:44 / 08 Жьҭaaрa Чхороҵҟутәи арҵаҩы амилаҭтә ҳамҭа лоуит 2020 шықәсазы арҵаҩы имилаҭтә ҳамҭа лоуит Амультимедиa „Чеми морду“ - зықәрахь инеихьоу ауааҧсыра рзы арегион аҿы иаадыртыз раҧхьатәи ацентр аус ишауа [афото] Ахәмарраҿы зегьы раасҭа сманшәалоуп, еснагь аиааира згоит, - Ашколахь асабрадала - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит [афото] Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа, Аҭынчраҿ амузыка абжьы ахьуаҳауа „Афольклор аҩны“ [афото] Знык адамхаргьы, Жәыргьыҭ Ҭамар Авакцинациа автобус аҿы [афото] Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо „Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы [афото] 74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала Акультурa Аинтерес аҵаҵаны акарантин мҩаҧызго жәыргьыҭтәи амузыкант [афото] Covid-19 аҿагылара инамаданы имҩаҧгаз адунеитә концерт аҿы еицциз ақырҭуа аиаҳәшьцәа ашәа рҳәеит [авидео] Аҩычагаҿы иаарҧшу ашәануатә бзиабара аҭоурых [афото] Аспорт Наҭиа Гаделиа - Адунеи ачемпионс дҟалеит [афото] Аҳәса рспорт акәӡам ҳәа аҳәара иаҿын, сара маӡала азыҟаҵарашҟа сцон - амилаҭтә аизга иалоу Хобитәи аӡҕаб Европаҿы аҧхьахәқәа згаз жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа [афото] Абашатәи аӡиудоистӡҕаб Европа ачемпионс дҟалеит Жәыргьыҭтәи aштaнгист Европa aчемпионaт aҿы aџьaзтә медaл иоуит Хобтәи aқәҧaҩ aдунеи чемпионс дҟaлеит Аилыркaaрa Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Иааиуа амшқәа рзы иаҳа ирацәаны ахәыҷқәа ашәыхәтәырҭа рҭаххар ҟалап, уи еиҧш ашәарҭара иҟоуп - Иуане Чхаиӡе
https://www.livepress.ge/ap/2019-05-11-09-20-28/article/31995-2020-01-29-14-12-18.html
2024-03-02T14:19:24Z
<urn:uuid:c889632b-9bec-4939-b184-7b4ff1d93956>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.92
0.99
91
23,061
tlsh:T120AAB4A28940CF0FCAB3C599DB918A312CD0194743637661CDC9F4B51645068FBFCD13A9FAE8069AB0AB5122D222FB146A09FCE6697DFBE7604340616D3F39DE26983691AE
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Румынтәыла апарламент ишьақәнарҕәҕәеит Молдовеи, Украинеи, Қырҭтәылеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи ревропатәи аперспектива иазку арезолиуциа - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Румынтәыла апарламент ишьақәнарҕәҕәеит Молдовеи, ... Иҵегь аҭагалара Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Румынтәыла апарламент ишьақәнарҕәҕәеит Молдовеи, Украинеи, Қырҭтәылеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи ревропатәи аперспектива иазку арезолиуциа 15:14, 29.11.2023 Иахьа Румынтәыла апарламент Адепутатцәа рпалатеи Сенати еицымҩаҧыргаз аилатәараҿы «Молдовеи, Украинеи, Қырҭтәылеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи ревропатәи аперспектива иазку арезолиуциа» рыдыркылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра. Арезолиуциаҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп Румынтәыла, Қырҭтәыла астратегиатә партниор аҳасабала, Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло. Иара убас, адокументаҿ азгәаҭоуп Амшын еиқәаҿы аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи арҕәҕәаразы аимадара аиқәыршәараҿы Қырҭтәыла инанагӡо ароли ари атәыла европатәи ақәыҧшыларашҟа алалара аҵаки. Иара убас, арезолиуциа ишану ала, Евроеидгыла арҭбаара апроцесс мҩаҧысуеит акандидатцәа рҽазышәарақәеи европатәи апринципқәа ирышьашәалоу аҧхықәрақәа рынагӡараҿы ирымоу ақәҿиарақәеи рышьаҭала. АПОЛИТИКА aрезолиуциa Қырҭтәылa aдәныҟaтәи aусқәa рминистррa Румынтәыла апарламент 3 Еиҧшу Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Украина асуверенитети атерририатә акзаареи хьаҵра змам адгылара азышьақәҳарӷәӷәоит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Алхрақәа ирыцклаҧшуа анаҧшратә миссиа ааҧхьара аҿҳәарақәа арбоуп апланаҿ, аха, рыцҳарас иҟалаз, аполитикатә мчқәак хықәкыла ари азҵаара аполитикатә ашьаҭа арҭар рҭахуп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратә ауаажәларра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Урыстәыла Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаара аилагара иашьҭанеиуа изакәандароу ашьаҿа иақәнаго ахәшьара арҭарц «Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа 2023, Қырҭтәыла – Евроеидгыла алаларазы акандидат-тәылоуп» мҩаҧгахоит ҧхынҷкәын 26-28 рзы 49 тәыла, Қырҭтәыла урҭ ирылоуп, ЕАР Урыстәыла аԥшьгарала ицәырнагаз арезолиуциа иадымгылеит Европарламент Қырҭтәыла акандидат астатус аҭара абжьагарала Евроеидгыла ахеилак ахь ааҧхьара ҟазҵо арезолиуциа иадгылеит Европарламент Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа рыла Ҭамаз Гинтури ишьра иадҳәланы арезолиуциа аднакылеит Амш зеиҧшрахо 15° аҩ Қaрҭ Ах 15° аҧшь 14° Авалиута акурс $ USD 2.6590 0.001 € EUR 2.8863 0.012 ₽ RUB 0.029111 0.001 £ GBP 3.3708 0.012 TOP 5 Каха Калаӡе - Европеи адунеи рҿы ирбеит Кезерашвили хәымгарыла атәанчауаа шижьоз, убри иазыԥхьагәаҭаны, илоюистцәа аӡәгьы дырԥыломызт Иракли Кобахиӡе -Атурзим идуӡӡоу аполитикатә хықәкы амоуп, уи ажәларқәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҭбааразы ихырҳагоуп, ари атәыла ашәарҭадаразы аҵак ҷыда амоуп Аихқәа ишаарыцҳаз, Виктор Орбан Дональд Трамп хәажәкыра 8 рзы, Флорида диԥылоит Қырҭтәыла аофициалтә визитла даҭааит Исландиа ахада Анри Оханашвили - Саломе Зурабишвили Саакашвили ашьауӷа ихылхыр, ари ақырҭуа ҳәынҭқарра аҿагылара мацара акәым, жәларбжьаратәи аӡбарҭа аӡбара аҿагыларахоит
https://1tv.ge/lang/ab/news/qmr%D2%ADtmla-adnmkhati-awsqa-rministrra-rwmmntmla-aparlament-ish%D1%8Caqnarghgheit-moldovei-wkrainei-qmr%D2%ADt/
2024-03-05T11:41:08Z
<urn:uuid:7d55e653-4560-44cd-8b27-726600e5716e>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.6
0.96
50
5,975
tlsh:T1B53F42C15544DA0BC573C5689A908D322DC1794BC621B270CEDAF4B0631910DEFFCD13AAFAEC0A4F309B1521E532BF156A0AECD799BDBFD7715200A55E2E38E9339436869D
Жәларбжьаратәи афонд «Аҧсны», аҿаҧхьа иқәгылоу, зынагӡара иаҿу азҵаарақәа рацәоуп. Афонд аҩнуҵҟа еиҿкаауп ахеилакқәа, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус зуа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп аҿартә политика иазкыу ахеилак. Афонд анапхгара аус адулара иаҿуп Аҧсны, Нхыҵ-Кавказ, аҳәаанырцә инхо аҿар злахәхараны иҟоу ауснагӡатәқәа. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит, ҳҳәынҭқарра аҿиареи ашьақәгылареи аус аҟны, аҿар иааныркыло ихадароу аҭыҧ. Агәаанагара сымоуп, афонд иалшо зегьы ҟанаҵап ҳәа, адунеи иҧсаҟьаны иалаҧсоу ҳмилаҭ реидкыларазы. Уи аҧхьаҟа ҳаимаздо цҳаны сахәаҧшуеит. Хымҧада, ари аус иадҳаҧхьалоит, аус ҳацура иазыхиоу аҿар. Аҧснытəи аҳəынҭқарратə университет ацхыраара аҭоуп Иахьа, ҳара ҳаҭааит ААУ азеиҧш нхарҭа, афонд ҳамҭас уи ианаҭеит аӡəӡəагатə машьынақəа ҩба. Аҿар Асоциалтә Аҟәатәи ақәыҧшцәа рыҩны апроект «Апрофориентациа ацентр» афинанстә цхыраара аиуит афонд аҟынтә Аҟәатәи ақәыҧшцәа рыҩны апроект «Апрофориентациа ацентр» напхгара алҭоит аҧсихолог, асеқциа аиҳабы Хаҭуна Лагәуаҧҳа Аҿар Асоциалтә «Ани амаалықьи» ​«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭа ҩынтәуп иаҭаауеижьҭеи Гәниаа рҭаацәа. Апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭа Аҿар Асоциалтә Евразиатәи ажәларқәа раҧхьатәи рфорум Лаҵарамза анҵәамҭазы, Москва ақалақь аҟны имҩаҧысит Евразиатәи ажәларқәа раҧхьатәи реизара. Аҧснынтә уи далахәын " Адәныҟатәи Аҿар «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Мықә ақыҭа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго есымзатәи апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны уи аусура иацҵан Очамчыра ара Асоциалтә Аҿар Аҧснытәи ахәыҷқәа Шәача имҩаҧысуаз ахоккеитә еицлабра иахәаҧшуан Абҵарамза 19, асабшаҽны , Аҧснытәи ашкол хәыҷқәа Шәача имҩаҧысуаз Салават Иулаев ихьӡ зху ахоккеитә клуби, Шәачатә Асоциалтә Аҿар Акультуреи Аҵарадырреи Ашьапылампылтә клуб «Самырзаҟан» азы ашәҵатә форма ҿыцқәа Иахьа, апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Галтәи ашьапылампылтә команда « Самырзаҟан» Аҿар Апроект «Атеатри ахәыҷқәеи» аусура иацнаҵеит Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Тҟәарчали Гәдоуҭеи рраионқәа рҟынтә, иара убас Ҭырқәтәылантә, Сириан Аҿар Акультуреи Аҵарадырреи Апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Гал араион Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа Гал араион иаҭааит, афонд имҩаҧнаго есымзатәи апроек Асоциалтә Аҿар Апроект «Агәамч» аусура иацҵоуп Гәдоуҭа араион. Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа аҭааит Гәдоуҭа араион, есымза афонд имҩаҧнаг Аҿар Асоциалтә Апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Гагра араион Лӡаа ақыҭан «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гагра араион Лӡаа ақыҭан абжьаратә школ 7 Акультуреи Аҵарадырреи Аҿар Иуль 2, 2016 ш. азы, аҵарадырратә центр "Академиа" аҵарашықәсазтәи аихшьала мҩаҧнагеит. Иуль 2, 2016 ш. азы, аҵарадырратә центр "Академиа" аҵарашықәсазтәи аихшьала мҩаҧнагеит. Акультуреи Аҵарадырреи Аҿар «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» адгылара анаҭоит ахәыҷтәы телехәаԥшратә дырраҭара «Мрашҭа». «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» адгылара анаҭоит ахәыҷтәы телехәаԥшратә дырраҭара «Мрашҭа». Аҿар Акультуреи Аҵарадырреи Ашьапылампыл асразы Аҧснытәи амилаҭтә командазы аҳамҭақәа Маи 28 рзы, Аҧсны иаатуеит ашьапылампыл асразы адунеи ачемпионат. Аҧсны еизгоу ашьапылампылтә командазы, «Жәларбжьар Аҿар Аӡырга «Атеатри ахәыҷқәеи» - аҟазареи абзиабара рылааӡара. 01/04 2016 to 01/04 2019 «Атеатри ахәыҷқәеи» - афонд еснагьтәи проектуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, есымза, Аҧсны араионқәа рҟынтә знык, ахшара рацәа змоу, иара убас зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рҟынтә ахәыҷқәа алшара рымоуп аҳҭны қалақь аҟны иҟоу атеатрқәа руак аҿы аспектакль ахәаҧшра. Ахәыҷқәа ирбоу аҟазара анаҩс, анашанатә дунеи аҧсҭазаарахь ршьаҿақәа еихыргоит, уи хьӡысгьы иамоуп «Атеатр». Хымҧада, ахәыҷқәа рзы уи арызҵазкуа хҭысуп. Аспектакль анаҩс, ахәыҷқәа рзы афонд еиҿнакаауеит ақалақь аҩныҵҟа аныҟәарақәа. Зегь раҧхьаӡа иргыланы ас еиҧш иҟоу апроект, ахәыҷқәа апатриотизмра рыланааӡоит, рыҧсадгьыл агәыбылра днаркуеит. Акультуреи Аҵарадырреи Аҿар «Агәамч» - аспорт абзиабара рылааӡара 15/05 2016 to 01/05 2019 Агәамч - афонд еснагьтәи проектуп, еизҳауа абиҧара аспорт абзиабара рылааӡара иазкуп. Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, есымза «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҳтәыла ақыҭа школқәа аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәнаршәоит. Ақыҭақәа рҿы аспорт аҿиара ацхыраара аҭара, уаҵәтәи аҧеиҧш лаша иазкуп. Аҿар Апроект «Агәыразра» аусура иацҵоуп. Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Очамчыра араион иаҵанакуа аҧсуа қыҭақәа рҟынтә, ашкол қәра иаҵанакуа, Аҿар Асоциалтә Апроект «Агәыразра» аусура иацҵоуп. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иаҧшьгарала иаҧцоуп, апроект ҿыц «Агәыразра». Уи аҧҟарақәа инарықәыршәаны, ишьақәырӷәӷә Акультуреи Аҵарадырреи Аҿар Агәыразра – аҵаҩцәа рзы ацхыраара 18/02 2016 to 17/03 2019 Еснагьтәи афонд апроект, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау ашкол аҵаҩцәа рыцхыраара иазкуп. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», есымза, жәаҩык ашколхәыҷқәа , аӡәыцыҧхьаӡа, аанызқь мааҭ аҧара аҳәаақәа ирҭагӡаны,ирыгу ирыбзоу амаҭәақәеи, ашкол аҟны рхы иадырхәо амаҭәахәқәеи рзаархәоит. Апроект аусура аҟны адгылара ҟанаҵеит Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра. Урҭ, афонд, асиа рзышьақәнаргылеит, амамзаара иахҟьаны, ашкол ахь имцоз ахыҷқәа рсиа ашьақәыргылараҟны. Аҿар Асоциалтә "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" апроект ҿыц "Агәыразра" аусура хацнаркит. Ҳазҭалаз ашықәс азы, афонд иаҧшьнагеит апроект ҿыц "Агәыразра". Акультуреи Аҵарадырреи Аҿар Ахәыҷқәа рзы, ателехәаҧшратә дырраҭара «Мрашҭа» аефирахь иҭыҵит. Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», имҩаҧнаго аусхкқәа ируакуп изызҳауа ахәыҷқәа ирызку апроектқәа р Аҿар Сириатәи ҳџьынџьуаа хәыҷқәа аӡиа Риҵаҟа аныҟәарақәа рзеиҿкаан. Аҧсны Аиааира 22 шықәса ахыҵреи, Кәырбан-Баирам ныҳәа аҳаҭырази, Сириантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь нхара ҳәа ихынҳәыз Адемографиеи Арепатриациеи Аҿар Карате-До – абаҩарҵәыреи аиҩызареи рныҳәа Аҧсны. Нанҳәа 7 инаркны 9-нӡа, Аҧсны имҩаҧысит а-17-тәи Жәларбжьаратәи асеминар Карате–До, иара убас, атурнир –акәубок Ешита Аҿар «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахадеи, астудентцәеи реиҧылара. Аҟәа имҩаҧысит ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, Аҧснынтә, Ҭырқәтәыла, иреиҳау
http://fondapsny.org/ab/youth
2024-02-21T10:45:57Z
<urn:uuid:73f508ec-7a61-4f7a-a441-2dab980d5c24>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.72
0.98
93
11,324
tlsh:T1175BB6327944CB4BD5B3C449DB828A3A1CC1682B82726231CED9F0354505089FEFDC12ADF6ED0A4AB4EB1112D225BE116A0EFCD97A7DBAE3716314A12D3F78DD179977C49E
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Ауарашзауад «Аҟәатәи» 70 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә даҭааит. Адныҳәаларатә шәҟәаҟны иҳәоуп: «Ҳаҭыр зқәу Амра Григори-иԥҳа, ҳаҭыр зқәу Ауарашзауад аусзуҩцәа»! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит акрызҵазкуа ари ахҭыс – иахьа шәара иазгәашәҭоит 70-шықәсатәи аиубилеи! 1953 шықәсазы Аҟәа ақ. аҟны аусура иалагеит афатә ааглыхратә наплакы – «Ауарашзауад «Аҟәатәи». Азауад аԥызҵаз уи аусура аԥхьатәи амшқәа инадыркны ақәҿиарақәа раарԥшра иалагеит, аибашьра ашьҭахь ауадаҩрақәа шыҟазгьы, иахьагьы уи иамаз ахьӡ-аԥша мырӡкәа иааргоит. Омар Кәарҷиа ихьӡ иадҳәалоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, шамахамзар, ихырбгалаз анаплакы аиҭеира. Хамеигӡарада аколлектив имҩаԥнагоз аусура иабзоураны, иара илшеит иаанкыланы иҟаз аусура арҿыхара. Иахьа ари аус ацҵара шәылшеит, Шәара, Амра Григори-иԥҳа. Абас аҭакԥхықәра ду шәыжәҩа иқәлаз шәаҵамхакәа, Шәара ишәылшеит анаплакы еиқәырханы, иҭнажьуа аалыҵ ахаҭабзиара аиӷьтәрагьы, ахкы ацҵарагьы. Шәара ишәылшеит аус иазҟазоу анапхгаҩы иаҳасабала ашьақәгылара: иаԥышәҵеит зегьы бзиа еицырбахьоу ауараши агаз змоу арыжәтәқәеи рыхкқәа асовет аамҭазтәи арецептура шьаҭас ирыҭаны. Азауад аалыҵ ахаҭабзиара ҳаракы агәра ргеит аҭыԥантәи ахархәаҩцәа реиԥш, ареспублика иаҭаауа асасцәагьы. Иумбарц залшом, арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟала ауарашзауад анапхгара имаҷымкәа Аԥсны атәылауаа усурҭа ҭыԥла реиқәыршәара шалшаз. Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп иара убас иааиԥмырҟьаӡакәа ареспубликаҟны имҩаԥысуа еиуеиԥшым асоциалтәи агәыҳалалратәи проектқәа шәахьрылахәу. Иҿырԥшыгоу ҳтәыла анаплакы аколлектив зегьы ирыдысныҳәалоит аиубилеитә рыцхә. Шәнаплакы иазеиӷьасшьоит аизҳазыӷьара, аколлектив – ҳәоуеиқәшәарала аусура, анапхгара – агәамч, алшара зымҽхак дуу апроектқәа рынагӡараҟны. Аԥсны аекономикатә ҿиараҟны ллагаламҭазы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа «Ауарашзауад «Аҟәатәи» адиректор Ануа Амра Григори-иԥҳа иланеишьеит аорден «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16054/
2024-02-21T15:04:27Z
<urn:uuid:50aee4ee-36c5-413b-a0ce-65ce3d0836c6>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.89
0.97
19
4,399
tlsh:T122887E918C40DF8BC6B3D459EB928A3568C15802476277A0CECAF1B11242099EFFCD03D6FFF9098B74DB1161D222BB10A64DFCEA257DAAD7709240A52D2F3CCD275936819F
Иракли Ӷарибашвили - Ҳтәылаҿ ибзиаӡаны еилаҳкаауеит аклиматтә кризисқәа рыҿагылара ароль, ари ахырхарҭала ихадоу ашьаҿақәа ҟаҳҵоит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Ӷарибашвили - Ҳтәылаҿ ибзиаӡаны еилаҳкаауеит аклиматтә кризисқәа рыҿагылара ароль, ... Иҵегь аҭагалара Иракли Ӷарибашвили - Ҳтәылаҿ ибзиаӡаны еилаҳкаауеит аклиматтә кризисқәа рыҿагылара ароль, ари ахырхарҭала ихадоу ашьаҿақәа ҟаҳҵоит 15:05, 02.12.2023 Ҳтәылаҿ ибзиаӡаны еилаҳкаауеит аклиматтә кризисқәа рыҿагылара ароль, ари ахырхарҭала ихадоу ашьаҿақәа ҟаҳҵоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 28-тәи аконференциа адунеи алидерцәа рсаммит аҿы данықәгылоз. Ӷарибашвили иажәақәа рыла, аԥсабара анырра армаҷреи адаптациеи рзы Қырҭтәыла абиуџьет аҟынтә иалхын 500 миллион лари еиҳаны. „Ҳтәылаҿ ибзиаӡаны еилаҳкаауеит аклиматтә кризисқәа рыҿагылара ароль, ари ахырхарҭала ихадоу ашьаҿақәа ҟаҳҵоит. Аԥсабара анырра армаҷреи адаптациеи рзы Қырҭтәыла абиуџьет аҟынтә иалхын 500 миллион лари еиҳаны”, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили. Қырҭтәыла аԥыза-министр иажәақәа рыла, ЕАР Аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 28-тәи аконференциа атәыла-хантәаҩ ирҿыцу аенергоресурсқәа реизырҳара иазку апозициа дадгылоит . Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 28-тәи аконференциа адунеи алидерцәа рсаммит ихы алаирхәоит. Ауснагӡатә Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рҿы, Дубаи имҩаҧысуеит. Иракли Ҕарибашвили, аделегациа алахәылацәа дрыцны, асаммит аартра ихы алаирхәит. Асаммит иалахәы алидерцәа рҿаҧхьа асаламтә ажәала иқәгылеит Иеиду Араҧтәи Емиратқәа ахада, ашеих Моҳамед бин Заиед Аль-Наҳиании, ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антонио Гутиереши, Британиа Дуи Аҩадатәи Ирландиеи Иеиду аҳра аҳ Чарльз III-тәи. АПОЛИТИКА COP28 Ирaкли Ӷaрибaшвили 7 Еиҧшу Иракли Ӷарибашвили апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” хантәаҩыс далырхит Биӡина Иванишвили ишааицҳаз, Иракли Ӷарибашвили инапынҵақәа рышьҭаҵара ихала иӡбеит Иракли Ӷарибашвили иахьа абрифинг мҩаԥигоит Иракли Ӷарибашвили Италиа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диԥылеит Иракли Ӷарибашвили Қувеиҭ аҳәынҭқарраҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц - Ношреван Ломҭаҭиӡе диҧылеит Иракли Ӷарибашвили Израиль ахада Исаак Герцог диԥылеит Иракли Ӷарибашвили - Атәыла ҳанахагыла ашьҭахь евроинтеграциа амҩаҿ апрогресс азы иҟаҳҵахьаз рацәоуп, ари иабзоураны Қырҭтәыла акандидат статус анашьан Швеицариа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ - Давос имҩаԥысуа сынтәатәи аекономикатә форум аҿы аԥыза-министр еиуеиԥшым апанельтә дискуссиақәа ихы алаирхуеит Иракли Ӷарибашвили Китаи ацҳаражәҳәаҩ диԥылеит Апартиа "Қырҭтәылазы" Иракли Ӷарибашвили иахь аацҳамҭа ҟанаҵеит Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡаразы аусуратә процесс аҽалархәра ишазыхиоу Амш зеиҧшрахо 10° аҧшь Қaрҭ ахә 10° Ас 10° Авалиута акурс $ USD 2.6606 0.005 € EUR 2.8780 0.004 ₽ RUB 0.029008 0.012 £ GBP 3.3646 0.004 TOP 5 Робин Данниган – Америка еиҧш абас ҕәҕәала Қырҭтәыла иадгыло даҽа тәылак иҟам Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, хәажәкыра 4-нӡа Қырҭтәыла амш бзиахоит Франциа аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит Шьалуа Папуашвили – Америкеи ҳареи ҳстратегиатә партниорра аекономикеи, ауаа рыбжьара аимадареи, авизада анеиааиреи, ишиашо авиареисқәеи, аинвестициақәеи ирныҧшроуп Шьалуа Папуашвили – Қырҭтәыла Албаниеи, Молдовеи, Украинеи ҿырҧштәыс азаагара Аҟаза дуи раҧхьатәи ицнагаҩи реиҿарҧшра иаҩызоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-%D3%B7aribashvili-htmlatchv-ibziadzanm-eilahkaaweit-aklimatt-krizisqa-rmtchvagmlara-arol%D1%8C-ari-axmrxar%D2%ADala-ixadow-ash%D1%8Catchvaqa-khahcoit/
2024-02-29T02:48:50Z
<urn:uuid:7c174bf1-513f-44d1-b1f5-723f07e899b2>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.6
0.96
52
6,358
tlsh:T11F8837D1CA04CB47D5B7C6A98EA189367DD27A4647606220CEC5B97126871ACEBFCD12A9F9F8995A20DB1A11C122BF001709BCFB24BEFFD3605600B02D3F34DA2B9471869D
Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара инамаданы, ажәлар еицырзеиҧшу аныҳәа мҩаҧыргараны иҟоуп - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара инамаданы, ажәлар еицырзеиҧшу ... Иҵегь аҭагалара Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара инамаданы, ажәлар еицырзеиҧшу аныҳәа мҩаҧыргараны иҟоуп 15:45, 27.11.2023 Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара инамаданы, ажәлар еицырзеиҧшу аныҳәа мҩаҧыргараны иҟоуп. Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ари аҳәамҭа ҟаиҵеит аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы. Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, ари амш еицымҩаҧгаз аусуреи Қырҭтәылеи, ажәлари, атәыла анапхгареи рҭоурыхтә аиааиреи ианыҳәахоит. «Аиҳабыра иахьатәи аилатәараҿы ҳара адеолигархизациа иазку ауснагӡатәқәа рплан шьақәҳарҕәҕәоит. Ари аплан 12 абжьагарақәа ирыҵанакәеит, уи уажәазы иҟаҳҵараны иҟоу жә-шьаҿак иреиуп. Ҳара уи ашьақәырҕәҕәаразы аҭакҧхықәра ҳхы иадаҳҵеит. Иахьа, асааҭ 15:00 рзы имҩаҧысуеит Евроеидгылаҟны аинтеграциа иазку аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара. Ҳара апарламентаҿгьы апартиа аҩныҵҟагьы арҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәахьеит. Ҳара ашьаҿа цыҧхьаӡазы, ареформа цыҧхьаӡазы апланқәа ҳамоуп, урҭ рынагӡара аҿҳәарақәа ҳәаақәаҳҵоит. Ҳаҭыр зқәу Дарчиашвили европатәи иколлегацәа драцәажәоит, саргьы европатәи ҳколлегацәа сырҧылоит. Ари аинформациа шәызцәыраагоит. Ҳара, жә-шьаҿак рыла иазҧхьагәаҭоу ареформақәа зегьы излауа ала ирласны имҩаҧаагар ҳҭахуп. Акандидат астатус иазкы аӡбара анрыдыркыло иахьыҧшны, ҧхынҷкәын 14 ма 15 рзы, ҳара ажәлар еицырзеиҧшу амилаҭтә ныҳәа мҩаҧганы, ҳтәылеи, ҳажәлари, ҳаиҳабыреи рџьабаа иахылҵыз абри аҭоурыхтә аиааира азгәаҳҭар ҳҭахуп», — иҳәеит аҧыза-министр. АПОЛИТИКА Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили 6 Еиҧшу Иракли Ҕарибашвили – Агәра ганы сыҟоуп ҳара аглобалтә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны алҵшәа дуқәа шҳауа, адунеитә масштабла изҩыдоу, ишәҭыкакаҷу аҧеиҧш аиқәыршәара шҳалшо Иракли Ҕарибашвили адунеитә економика алидерцәа иформалымыз ршьыбжьхьа ихы алаирхәит Иракли Ҕарибашвили аилахәыра TAQA анапхгаҩы диҧылеит Аҳәынҭқарра, зынхарҭатә ҭагылазаашьа цәгьоу 1000 ҭаацәара анхарҭа ҿыцқәа рнаҭоит Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду ргәырҕьаҵәа иаҧыларц рзеиҕьасшьоит, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаҧсадгьылгьы Анцәа илҧха ҳагымзааит, аҭынчра ҳамазааит Иракли Ҕарибашвили Хавиер Коломина диҧылеит Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ари аус ҳазықәҧон, аус аауан, атәыла анапхгареи ажәлари ари астатус ҳҽаҧсаҳтәит Иракли Ҕарибашвили Урсула фон дер Лаиен лахь - Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит, ари аӡбара Қырҭтәылеи европатәи адемократиақәа рҭаацәареи ҕәҕәала еиднаҳәалоит Иракли Ҕарибашвили Евроеидгылаҿ ахантәаҩра змоу атәыла – Испаниа аҧыза-министр иахь - Қырҭтәыла, Евроеидгыла ҳаҧхьаҟатәи алахәыла аҳасабала, Европа ашәҭыкакаҷраҿы зҵакы дуу ароль нанагӡоит Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель иахь – Ҳажәлари анапхгара ззызуа аиҳабыреи ҳазну амчыбжь азы Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит Амш зеиҧшрахо 2° амҽ Қaрҭ амҽ 3° ашә 4° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Каха Калаӡе - Иракли Кобахиӡе зегьы реиҳа ибзианы идыруеит аиҳабыра ирызкны идикылаша аӡбара Иахьа инаркны аӡыргаратә ацҳамҭақәа рышьҭра адресат иқәшаҳаҭра мацара ашьҭахь алшахоит Павел Ҳерчински - Анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи аганахьала Қырҭтәыла аҧхьагылара шамоу аазырҧшуа аҭҵаарақәа гәахәаала аҧара рзоуҳажьҭуеит
https://1tv.ge/lang/ab/news/qmr%D2%ADtmla-evroeidgmla-alalarazm-akandidat-astatws-anash%D1%8Cara-inamadanm-azhlar-eitcmrzeiphshw-anmha-muiaphmrgaranm-ikhowp/
2024-03-02T23:14:35Z
<urn:uuid:93b59f98-5277-4eae-a3e2-6d16128f93a9>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.62
0.96
48
7,256
tlsh:T1A23CAEE1BB40CB4BE5B3C549CB918A363CD2390B86617260CEC9F97126860A8FFFCD03ADFDE80A5A709B1522D162BF01660AECE718BDBBD7711240A55D3F38DE2B9471C59D
Адунеизегьтәи-аҧсуа абаза конгресс ашьаҭаркыҩцәа ируаӡәку Тарас Шамба диит ҧхынгәы 29, 1938 шықәсазы. Жьҭаара 13, 2020 шықәсазы иҧсҭазаара далҵит. Арифа Қапԥҳа Аԥснытәи, Урыстәылатәи ауаажәларра-политикатә усзуҩ Тарас Шамба, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, Москватәи аԥсуа диаспореи рхыҵхырҭақәа рҿы игылаз уаҩуп. Иџьабаа рацәоуп абаза жәлар реидкылареи реизааигәатәреи аус аҟны. Тарас Шамба диит 1938 шықәса, ԥхынгәы 29 рзы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азиндырҩы Мирон Шамба иҭаацәараҿы. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Мирон Шамба аус иуан прокурорс, ӡбаҩыс, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахантәаҩыс, Аԥсны адукатцәа Рхеилак аиҳабыс. Иԥшәмаԥҳәыс Лидиа Ешԥҳаи иареи ирааӡеит ҩыџьа аԥацәеи -- Тараси Сергеи, рыԥҳа Еҭери. Тарас Шамба иани иаби – Мирон Михаил-иԥа Шамбеи Лидиа Давид-иԥҳа Ешԥҳаи © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Шамаа Тараси Еҭери, ран Лидиа Давид-иԥҳа Ешԥҳаи © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Иқәыԥшраан дзызҿлымҳаз Тарас диит Аҟәа, аха иаб иусура иахҟьаны, рҭаацәара акырынтә рынхарҭа ҭыԥқәа рыԥсаххьан. Зынӡа ҳәа Аҟәа инхо ианалага аамҭазы Тарас аиҳабыратә классқәа рҿы дтәан. Тарас Мирон-иԥа Шамба, Олег Баграт-иԥа Шамба, Сергеи Мирон-иԥа Шамба © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Тараси Сергеи Шамба, Ечмиаӡин, 1998 шықәса © Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы «Аҵарауаҩ идунеи» аҟнытә Тарас Шамба, Владимир Аршба, Сергеи Шамба © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Тарас Шамба, Рауль Ҳаџьымба, Сергеи Шамба, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны аиааира агара 10-шықәса ахыҵра иазку аныҳәа, Лыхны, 2003 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Тарас Мирон-иԥа иашьа Сергеи Шамба (аԥсуа политикатә, ауаажәларратә усзуҩы, еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы – Аԥсны аԥыза-министр, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр – аред.), еиҭеиҳәоит: «Ҳара ҳанхон Аҟәа, уажәы асасааирҭа «Леон» ахьгылоу аҿаԥхьа. Ҳаҩны есқьынагьы ауаа рацәаҩын, Тарас иҩызцәа лассы-лассы имҩахыҵуан. Исгәалашәоит раԥхьатәи амагнитофон анааҳхәаз, усҟантәи аамҭаазы уи аҩыза змаз даараӡа имаҷҩын. Уи адагьы, ҳара ҳмагнитофон акы иаламҩашьо иҟан: апластинкақәа рыдагьы, иара убасгьы «абабинақәагьы» агон (амхылдызтә цаха змоу «акатушкақәа» – аред.), урҭ апластинка аҭыԥ аҟны еихаргыланы иаҭатәын. Амагнитофон иахьӡын «Ельфа». Тарас Шамба иаб Мирон Шамбеи иареи © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Мирон Шамбеи Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Аслан Оҭырбеи © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Мирон Михаил-иԥа Шамба (аҩбатәи арад, арымарахьала аҩбатәи) Аԥсны адукатцәа дрыцны © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә фото аҟны: арымарахьала ахԥатәи – Мирон Шамба, арымарахьала аҩбатәи – иҷқәын Сергеи, Ауадҳара © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Шамаа рҭаацәара ахьынхоз аҩны аӡиас Басла аҟәара ихықәгылан уҳәар ҟалоит, убас аӡы иазааигәан. Екатерина Бебиаԥҳа лдырраҭара «Аеҵәақәа рахь игоу амҩа лаша. Тарас Шамба» ҳәа хьӡыс измаз аҟны Тарас Мирон-иԥа ихаҭа абас еиԥш игәалаиршәоит иқәыԥшра шықәсқәа: «Ара иҟан даараӡа ибзиаз анышьтә аангыларҭа. Иаҳгон ааба ма жәаҩа жәҩа змаз анышь, уи ҳақәтәаны аӡиас ала амшын ҳхылон. Убас ала аԥратәи, ажәҩаҵшьратәи аспорт хкқәа ҳҽырзыҟаҳҵон. Иара аҩны иацәыхарамкәагьы игылан аспорт ахан, уаҟагьы еиуеиԥшым аспортхкқәа ҳҽырзыҟаҳҵон. Сара исымоуп аспорттә ҟазара ҩаӡарақәа быжьба, аха урҭ мариала исмоуӡеит, иааиԥмырҟьаӡақәа аҽазыҟаҵарақәа сырҿын: ҽнак ашьха саҿалон, адырҩаҽны –амшынаҿ сӡысуан». Арымарахьала арыӷьараӷь: Лиова Шамба (Тарас иаб иашьа иԥа), Белла Бениаԥҳа (Тарас Шамба иаҳәшьаду лыԥҳа), Тарас Шамба, Леван Шамба, Шамаа рыҩнаҭа, ақыҭа Абӷархықә © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Иашьа изы акумир Тарас, Сергеи 13 шықәса рыла диеиҳабуп, убри иахҟьангьы аишьцәа азеиԥш хәыҷтәы хәмаррақәа рымаӡамызт, аха ус шакәызгьы, Сергеи изы иашьеиҳабы ианакәызаалак ҿырԥштәыс дыҟан. «Тараси иҩызцәеи есымша акы рхәыцуан, рыкәша-мыкәша ахҭысқәа еилашуан. Сара сзы дара Аԥсны аҿартә елитас иҟан, урҭ среиԥшны сҟаларц сҭахын, – иазгәеиҭоит Сергеи Шамба. – Сандуха, аполитикатә зҵаарақәа ҳрылацәажәо ҳалагеит. Уи зегьы, ҳәарада, амчхара сынаҭон, лассы-лассы ажәлар ахьеизоз афилармониа саҭаауан (араҟа зыӡбахә ҳәоу, аԥсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара амчқәа рыла еиҿкаахоз акциақәеи, аизарақәеи роуп – аред.). Уи нахыс саргьы сгәы иҵхон амилаҭтә-хақәиҭратә ҵысра ишьҭнахуаз азҵаарақәа, раԥхьаӡагьы иргыланы ҳажәлар зыниоз аиашамрақәа. Сгәы иаанагоит, сашьа иҟнытә исоуоз анырра иабзоураноуп аҭоурыхтә факультет сышҭалазгьы ҳәа». Мирон Шамбеи, Лидиа Ешԥҳаи рхәыҷқәа Етериеи (Лиалиа) Сергеи рыдыргыланы © Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы «Аҵарауаҩ идунеи» аҟнытә Тарас Шамба иани иаби, урҭ рԥеиҵба Сергеи, Ессентуки © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхаруыаа рышкол даналга ашьҭахь, адырра ҵаулақәа змаз, зыхшыҩ бзиаз, зықәлацәа ирылукаауаз Тарас Шамба дҭалоит Москватәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет. Дшыстудентыз Москва еиҿикаауеит раԥхьаӡатәи аԥсуаа рхеидкыла. Уи аиҿкаара аԥсуа ҿартә центрк аҳасабала аус ауан, иагьаҭаауан аԥсуа жәлар рзинқәа ҳаԥхьаҟа изыхьчараны иҟаз аӡәырҩы. Тарас Шамба инапаҿы ирҭоит иреиҳаӡоу ауаажәларратә ҳамҭа – аорден «Урыстәыла Зызгәдуу». Тарас Шамба, Гьаргь Трапезников – адунеи ажәларқәа рдинхаҵаратә акзаара Жәларбжьаратәи академиа ахада, Валентина Приходько – афонд «Урыстәыла Зызгәдуу» адиректор хада © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Тарас Шамбеи, Иорданиатәи аԥсуаа рхеилак алахәыла, хылҵшьҭрала Адлер араионаҿ иқәынхоз асаӡқәа иртәу, аҭауад Гьечба Баха Сеифеддин, Амман, 1994 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Денис Чачхалиеи Тарас Шамбеи сасра иҭоуп ҩынтәны Иорданиа афырхаҵа ҳәа ахьӡ зыхҵоу Аҳмед Аллаудин Арслан (арымарахьала, аҵыхәаҿы) иҩнаҭаҿы, аҭӡаҿы аԥшәма исахьа зну ауарҳал кыдуп, 1994 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Тарас Шамбеи Виктор Абазеи аицтәылауаа рԥылараан, Египет © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Еиду Амилаҭқәа Реидгылаҟны иаарԥшым ажәларқәеи амилаҭқәеи Рхеидкыла аизара. Афото аҟны арымарахьала арыӷьарахь: Виктор Абаза, Тарас Шамба, А. Охтов, Мурадин Урчыҟәа, Таллин, Естониа © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Астудентреи аидгьылтәреи Раԥхьатәи аԥсуаа реиԥыларақәа мҩаԥсыуан Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны, урҭ аамҭақәа рзы уа аҵара рҵон ҳаамҭазтәи аԥсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы. Урҭ аамҭақәа игәаларшәо Тарас Мирон-иԥа иара изку адырраҭараҿы иазгәеиҭоит: «Усҟан уа аҵара зҵоз Алиоша Гогәуеи (еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы – аред.), Володиа Анқәаби (еицырдыруа аԥсуа поет, афилолог, арҵаҩы – аред.) сареи, аинститут азеиԥшнхарҭаҿы есымза еиҿаҳкаауа ҳалагеит аизарақәа, аректорат аҟны ирдыруан аԥсуаа реиқәшәарақәа шымҩаԥысуа атәы. Темас еснагь иҳаман: Москва иаҭаауаз ашәҟәыҩҩы иҩымҭак аалхны алацәажәара, автор ҳара ҳахь ааԥхьара иаҳҭон. Анаҩс, иара иаԥҵамҭа иаҿырԥшны Аԥсны аҭоурыхи, акультуреи, абызшәеи ҳрылацәажәон, иара убасгьы ишьҭаҳхуан ахатә журналқәеи, агазеҭқәеи, ателехәаԥшреи раԥҵара шхымԥадатәиу азҵаарақәа». Аԥсуаа аицтәылауаа реиқәшәараҿы, арымарахьала арыӷьарахь: Тарас Шамба, Руфеҭ Быҭәба, Џьума Аҳәба, Мушьни Лашәриа, Москва, 1964 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Аԥсуаа аицтәылауаа реиқәшәараҿы, арымарахьала арыӷьарахь: Нонна Кәырмазиаԥҳа, Фазиль Искандер, Тарас Шамба, Золоҭинск Агрба, Москва, хәажәкыра, 1977 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Аԥсуаа аицтәылауаа реиқәшәараҿы, арымарахьала арыӷьарахь: Леонид Лолуа, Тарас Шамба, Москва, хәажәкыра, 1977 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Аԥсуаа аицтәылауаа реиқәшәараҿы. Тарас Шамба, ахәылԥаз асас – Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Васили Шандыбин ҳамҭас ииҭоит «Аԥсуа поезиа антологиа», Москва, 2002 шықәса, хәажәкыра 4 © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Аԥсуаа аицтәылауаа реиқәшәараҿы, агәҭаны – Тарас Шамбеи Гьаргь Гәлиеи © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара Ашм иазку ахәылԥаз аҿы Тарас Шамба ишьҭихуеит аныҳәаҿа, уи ивараҿы арыӷьарахьала – Гьаргь Трапезников, 1977 шықәса, хәажәкыра 4 © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Убри аԥсуаа рхеидкылоуп нас-нас иагьызхылҿиааз ҳаамҭазтәи Москватәи аԥсуа диаспора. Тарас Шамба инеиԥынкыланы акыршықәса адиаспора дахагылан, уи имаҵураҿы Беслан Агрба диԥсахаанӡа. Москватәи аԥсуа диаспора (МАД) 60 шықәса ахыҵра иазкыз аиубилеитә хәылԥазы ааиртит Тарас Мирон-иԥа Шамба, 1958 шықәсазы раԥхьаӡатәи аԥсуаа рхеидкыла аиҿкаара иаԥхьагылаз. © Москватәи аԥсуа диаспора «Сара исымоуп схатәы мҩа» 1973 шықәсазы Тарас Шамба дҭалоит Акоммунисттә Партиа Ихадоу Акомитет иатәыз ауаажәларратә ҭҵарадыррақәа ракадемиа. «Уаҟа иҵара аныхиркәша ашьҭахь, – игәалашәоит иашьа, – Аԥсныҟа дхынҳәыр акәын, аха аректор дааԥхьаны ус иеиҳәоит: Аԥсны уцар, уа ԥхьаҟатәи аԥеиԥш умаӡам, ақырҭуа политикцәа рзы уара ԥсыуа националиступ, ара уаанхар еиҳа еиӷьуп ҳәа. Насгьы академиаҟны аусурҭа ҭыԥ идигалоит». Уи аамҭазы Тарас имаҭәақәа еидикылахьан, иҭаацәара аҩныҟа ихынҳәра иазыԥшын. Иан абас еиԥш агәаанагара лыман: адәныԥссаҩыс дҟаларгьы, иара иԥсадгьыл ахь дхынҳәыр акәын ҳәа. Аха лыҷкәын ихәыҷра аахысгьы иара итәала акәын зегь шыҟаиҵоз. Убас, ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол аҟны аҵара иҵонаҵы, Тарас ихы алаирхәуеит «Маи 1» аныҳәа иазкыз апарад – Аԥсны аԥхьагылаҩ, 1937 шықәсазы арепрессиан иршьыз Нестор Лакоба ифотосахьа кны. Уи аамҭазы Нестор Лакоба ихьӡ дыриашахьан, аха амилаҭтә фырхаҵа ифотосахьа кны апарад аҟны ацәырҵра протестк иаҩызан. Акласс аҿы аԥхьагылаҩс иҟаз арԥыс, ҳәарада, иҩызцәа адгылара ирҭеит, аха уи аамҭазы иаб иаарласны изынарыцҳауеит иҷкәын апарадтә ныҟәара «даԥырхагахарц» игәы ишҭаз. Мирон Шамба, апартиаҟны аус ицзуқәоз џьоукы иманы аҩныҟа дааит, иҷкәын иааирԥшыз ахаԥызаразы диацәажәарц. Аха аҷкәын, дҭынчӡа, убасҟангьы хаҵаҵас инақәырӷәӷәаны ус иҳәеит: «Сара исымоуп схатәы мҩа, уара иумоуп ухатәы, суҳәоит, усԥырхагамхан». Тарас Шамба даанхоит Москва, академиаҟны аусура далагоит. Уаҟа иара арҵаҩы инаиркны аҳәынҭқарраргылареи азини ркафедра апрофессор иҟынӡа акариератә мҩа данысуеит. Ихьчоит акандидаттә диссертациа, уи темас иаман – «Азинхьчаратә усбарҭақәа аҳәынҭқарратә системаҟны». Анаҩс, 1995 шықәсазы ихьчоит адоктортә диссертациа – «Адемократиеи азинеиҿкаареи асоциалисттә уаажәларраҟны» ҳәа хьӡыс измаз. Тарас Шамба икандидаттә диссертациа ахьчараан, 1975 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Тарас Шамба идоктортә диссертациа ахьчараан, 1985 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Аҵарауаҩ, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Тарас Шамба – ауаажәларратә академиақәа ааба дракадемикуп. 2002 шықәса инаркны 2008 шықәсанӡа аус иуан Урыстәылатәи аҳәынҭқарратәи ахәаахәҭра-економикатә университет актәи проректорс. Шамба иҭҵаарадырратә ԥшаарақәа рахь иаҵанакуеит аҳәынҭқарра атеориеи апрактикеи, адемократиеи азинеиҿкаареи ирызку азҵаарақәа. Иарбоу атемақәа рыла аҭҵаарадырратә статиақәа жәпакы дравторуп. Афото аҟны арымарахьала арыӷьарахь: Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ахәаахәҭра-економикатә университет (УААЕУ) актәи апроректор Тарас Шамба, УААЕУ аректор Сергеи Бабурин, Урыстәыла иреиҳаӡоу азиндырратә ҵариурҭақәа Рассоциациа аиҳабы Валери Липунов © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Тарас Шамбеи Сергеи Бабурини, 2003 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Тарас Шамба УААЕУ Аҵаратә хеилак аилатәара аҟны © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Тарас Шамба, Урыстәылатәи Аԥхьаӡаратә палата ахантәаҩы, азиндырратә ҭҵаарадыррақәаа рдоктор, апрофессор Сергеи Степашин ианеишьоит «Аҳаҭыр зқәу УААЕУ Апрофессор» идиплом © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аҟны имҩаԥысыз ауаҩы изинқәа ирызкыз аиԥылара ашьҭахь, Тарас Шамбеи адепутат Виктор Илиухини © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Иара убасгьы, Тарас Шамба авторс дамоуп ифундаменталтәу аусумҭа – «Аԥсны. Аҳәынҭқарразаареи ахьыԥшымреи рзинтә шьаҭақәа» ҳәа хьӡыс измоу. Активла далахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан хада аԥҵара. Тарас Шамба ихҵоуп Урыстәыла Зҽаԥсазтәыз азиндырҩи, «Аҳаҭыр зқәу Урыстәыла адукати» ҳәа аҳаҭыр хьыӡқәа. Аконгресс анапхгаҩы Тарас Шамба данқәыԥшыз инаркны, аԥсу жәлар ипрогрессивтәыз рыхәҭа ахаҭарнакцәа реиԥш, иԥсҭазаара азикит ижәлар рхақәиҭреи рхьыԥшымреи азықәԥара. Тарас Мирон-иԥа илоу адипломатиеи, аиҿкааратә ҟазшьақәеи бзиаӡаны иааԥшит Аԥсны аибашьра аналага аамҭазы, иԥсадгьыл ацхыраара анаҭахха. Убасҟаноуп, Аԥснытәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аилашымҭаз, ианаԥҵаз Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза милаҭ рассоциациа (ҳаамҭазтәи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс – аред.). ААМЖәР IV-тәи Аконгресс аделегатцәа, Аҟәа, цәыббрамза, 2003 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә ААМЖәР IV-тәи Аконгресс аделегатцәа. Арымарахьала арыӷьарахь: Геннади Аламиа, Тарас Шамба, Ныгәзар Ашәба, Александр Непрошин © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Арымарахьала арыӷьарахь: ААМЖәР Ауснагӡаратә комитет Германиа аҟнытә алахәҩы Рухи Ерҭаз (Ешба), Ҭырқәтәыла иҟаз Аԥсны ахаҭарнак Владимир Аҩӡба, ААМЖәР ахада Тарас Шамба, Гиви Допуа © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә ААМЖәР V-тәи Аконгресс гәырӷьахәыла аартра, Аҟәа, 2006 шықәса, ԥхынҷкәын 14 © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә ААМЖәР V-тәи Аконгресс аҟны, Аҟәа, 2006 шықәса, ԥхынҷкәын 14-17 © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Уи ҟалеит абас: 1992 шықәса, абҵарамзазы иҭоурыхтәу Лыхнашҭаҟны имҩаԥысит раԥхьатәи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс. Убраҟа Аконгресс ахадас далхын Тарас Шамба. Убри нахысгьы иофицалтәымкәа «аԥсуаа зегьы рхада» ҳәа хьӡыс ихылоит, избан акәзар Аконгресс еиднакылон абаза жәлар ахаҭарнакцәа зегьы. «Ҳара иҳалшеит 20 инареиҳаны атәылақәа рхаҭарнакцәа Лыхнашҭа еизганы раԥхьатәи Адунеизегьтәи аконгресс амҩаԥгара. Хықәкыс иҳамаз акы акәын – ихьанҭаӡаз аибашьраҟны аиааира агара… аҩбатәи аконгресс мҩаԥаҳгеит зхы иақәиҭыз Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны», – иҳәеит Тарас Мирон-иԥа амаҵзура «Sputnik Аԥсны» иаиҭаз аинтериву аҟны. Иаку, иузеиҩымшо. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҭоурых иазкны Тарас Шамба, аԥсуа-абаза жәлар ракзаара есқьынагьы иаартны иазхазҵоз, ишьақәзырӷәӷәоз дыруаӡәкуп. Имҩаԥигоз аусқәа зегь рыла адунеи аҟны инхо аԥсуаа реизааигәатәра дацхраауан. Шамба активла дадгылан аԥсуааи абазацәеи ирзеиԥшу алфавит аԥҵара аидеиа. «Арҭ ашықәсқәа зегьы, гәадурала ҳахәаԥшуан ажәлар реидкыларазы имҩаԥигоз аус, ҳәарада, ихықәкгьы наигӡеит. Уи азы иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит. Ижәдыруандаз абазацәа рзы Тарас Шамба дзакәу, уи длегендоуп, уи жәлары зегьы ргәадура иоуп», – иҳәоит апрофессор Иури Агырба, адокументалтә фильм «Тарас Шамба. Жәлар рԥыза» аҟны. Тарас Шамба изныкымкәа аԥсуа делегациақәа напхгара рзиухьан аԥсуа-абаза диаспорақәа ахьынхо атәылақәа раҭааран. Дахьнеилак, иӡны иҟаз аԥсуаа реимадара аиҭашьақәаргылаҩык иаҳасабала, ҳаҭыр дула, гәырхьахәыла иԥылон. Тарас Шамба инапаҿы икуп абаза бираҟ © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Ажурнала «Нарҭ» аредактор Муҳиддин Агачеи Тарас Шамбеи Ҟарачы-Черқьессиа аҳәаа аҟны © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Тарас Шамбеи Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика апарламент ахантәаҩы Сергеи Смородини реиԥылара, Черқьесск, 2006 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Жәларбжьаратәи Ачерқьесстә ассоциациа аилатәара ашьҭахь. Афото аҟны: арымарахьала аҩбатәи – Тарас Шамба, анаҩс – Ачерқьесстә ассоциациа ахада Заурби Нахушев, Шьамтәылатәи апарламент адепутат, Дамаск иҟоу «Адыга хасе» ахантәаҩы Шьараф Абаза (Амаршьан), арыӷьарахьала аҵыхәаны – Геннади Аламиа, Нальчик, 2006 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Иури Исуф-иԥа Агырбеи Тарас Мирон-иԥа Шамбеи © Агазеҭ «Абазашҭа» аредакциа Афото аҟны арымарахьала арыӷьарахь: Родион Ҭлабыч, Владимир Курчев, Амир Иуан, Чаӷбан Иуан, Тарас Шамба, Нурби Чықәа, Иури Агырба, Мурадин Урчыҟәа © Агазеҭ «Абазашҭа» аредакциа Шамба дицны арҭ аныҟәарақәа зхы рылазырхәхьаз Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба иазгәеиҭоит: «Ҳәарада, ари афакт угәы еихьнашьуеит, аха аԥсуаа Аԥсны анҭыҵ еиҳа ирацәоуп Аԥсны аҩныҵаҟа инхо раҵкыс. Еиҳаракгьы ирацәаҩуп Ҭырқәтәыла, иара убасгьы Мрагылара Ааигәа атәылақәа рҿы. Аныҟәарақәа раан игәасҭеит: Тарас Мирон-иԥа дахьнеиуаз напеинҟьарыла акәын ишиԥылоз, рыгәрагара иаԥсахаз ауаҩ иеиԥш». Афото аҟны: арымарахьала ахԥатәи – Жәларбжьаратәи Ачерқьесстә ассоциациа ахада Борис Акбашев, агәҭаны – ААМЖәР Ауснагӡаратә комитет Германиантәи алахәҩы Ерҭаз Рухи (Ешба), арыӷьарахьала ахԥатәи – Тарас Шамба, Голландиа, 1997 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Сҭамԥылтәи Аԥсуа культуратә центр аҟны Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рԥылара. Афото аҟны арымарахьала арыӷьарахь: ААМЖәР Ауснагӡаратә комитет алахәҩы Ерол Агрба, Шьамтәылатәи апарламент адепутат, Дамаск иҟоу «Адыга хасе» ахантәаҩы, ААМЖәР Ауснагӡаратә комитет алахәҩы Шьараф Абаза (Амаршьан), ААМЖәР ахада Тарас Шамба, Ҭырқәтәыла иҟаз Аԥсны ахаҭарнак Владимир Аҩӡба, Иорданиа инхо ҳџьынџьуаҩы Иахьиа Чычба, Џьамалаҭҭин Иумиҭ (Арӡынба), Ҭырқәтәыла, 2006 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Арымарахьала арыӷьарахь: Абаза жәлар Рмилаҭтә еизара «Аидгылара» ахантәаҩы Уали Евгамукови, ААМЖәР ахада Тарас Шамбеи, Ҭырқәтәыла иҟоу Кавказтәи адиаспора ахада Агача Муҳиддини, Жәларбжьаратәи Ачерқьестә ассоциациа Ауснагӡаратә комитет аилатәара аҟны, Ҭырқәтәыла, 2005 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Аҧсуа-абаза милаҭ (абаза) Жәларбжьаратәи Рассоциациа (ААМЖәР) аԥсуа делегациеи, ашеих Абдыл Бақы Џьамоуи – Иорданиа кавказтәи ахеилак ахаҭарнак, 1997 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Еснагь Аԥсны иахәара иашьҭаз 27 шықәса раԥхьа, 1992 шықәса, нанҳәа 14 рзы Аԥсны ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа анақәла, Тарас Шамба, егьырҭ апатриотцәа аӡәырҩы реиԥш, аганаҿы днымхеит. Ирацәаҩымызт усҟан иара иаҟара зымҽхак ҭбаау аимадарақәа змази, иахәҭоу ауаа здыруази. Афото аҟны: итәоуп – Иури Шанибови Тарас Шамбеи, игылоуп – Иури Аргәыни Денис Чачхалиеи © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Тарас Шамбеи, Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа ахада Иусуп Сосламбекови Мрагылара Ааигәа иҟоу адыгатәи адиаспора рԥылараан, Египет © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Тарас Шамбеи, Анатоли Ԥлиеви, 2001 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә «Аԥсны аибашьра аналагаҵәҟьа, Тарас активла Нхыҵ-Кавказ даҭаауа далагоит, еиуеиԥшым аимадарақәа рышьақәыргыларазы. Иара имҩаԥигоз аусгьы иабзоуроуп, урҭ ареспубликақәа рхадацәа рыла задыркуаз, ртәылауаа хатәгәаԥхарала еибашьра ҳәа Аԥсныҟа иандәықәла, иара убасгьы уаантәи иаарышьҭуа иалагеит агуманитартә уҳәа убас еиуеиԥшым ацхыраарақәа. Араҟа, ҳәарада, акраҵанакуан Тарас аиҳабыратә ҭыԥқәа нызкылоз ауаа рыбжьара иидырқәоз ахьырацәаҩыз, насгьы, урҭ ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аушьҭымҭацәа ахьракәыз. Кавказ иҟаз апартиа аԥхьагылаҩцәа реиҳараҩык идыруан, иара убасгьы Асовет Еидгыла зегьы аҟны амч знапаҿы иҟаз иҩызцәа рацәаҩын», – иазгәеиҭоит Сергеи Шамба. Аԥсуа делегациа, хылҵшьҭрала иаԥсыуаз Ҳаиретдин-ԥашьа иаԥиҵаз, амедрес ашҭаҿы, Тунис © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Агазеҭ «Аидгылара» актәи аномер, Аҟәа, 1989 шықәса, ԥхынгәы 2 © Игор Марыхәба ишәҟәы «65-шықәса» аҟнытә © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Аԥсуа делегациа Тунис раҭаара: арымарахьала актәи – Екатерина Бебиаԥҳа, анаҩс – Беслан Кәабахьиа, Денис Чачхалиа, арыӷьарахьала актәи – Беслан Быҭәба, аԥшьбатәи – Тарас Шамба © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Аибашьра ашьҭахь, Аԥсны иаҵанакуаз азҵаарақәа жәпакы иара иӡбон, мамзаргьы урҭ ӡбахон иара иалахәрала. Большаиа Садоваиа 10, «Булгаков иҩны» ҳәа изышьҭоу ахыбраҟны иҟоу Тарас Шамба иофис – Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵаанӡа, иофициалтәым Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭас иҟан. Уаҟа еизон Аԥсны жәлар рԥеиԥш иазхәыцуаз, еиуеиԥшым азҵаарақәа ирылацәажәон, урҭ рыӡбон. Апартиа Ихадоу Акомитет ихь иаҵанакуаз ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аиҳабыра: аректор, Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла- акорреспондент Рудольф Иановски, апартиатә комитет амаӡаныҟәгаҩ Тарас Шамба, азанааҭеидгылатә комитет ахантәаҩы В.И. Плаксиа, апартиатә комитет амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Р.М. Битаров © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Апартиа Ихадоу Акомитет ихь иаҵанакуаз ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Раиса Горбачиова лаҭаара, арымарахьала аҩбатәи – Тарас Шамба, арыӷьарахьала аҩбатәи – Рудольф Иановски, 1989 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Ақалақь Караганда апартиатә нхамҩа аусуҩцәа рԥылара, апрезидиум аҟны арыӷьарахьала аҩбатәи – Тарас Шамба, Ҟазахсҭан, 1978 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы иҟоу аԥсуеи, аурыси диаспорақәа рхаҭарнакцәа рԥылараан, 1978 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Аԥсны ахаҭарнак Тарас Шамба – Еиду Америкатәи Аштатқәа иаҭаара © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Асовет Еидгыла Акоммунисттә Партиа Ихадоу Акомитет аусзуҩцәа, ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аушьҭымҭацәа ргәыԥ: арыӷьарахьала ахԥатәи – Тарас Шамба, 1987 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Ротари-Клуб аҟны урыстәылатәи ахеилакқәа рԥылара, Еиду Америкатә Штатқәа, 1978 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Тарас Шамба Аԥсны анҭыҵ иԥсадгьыл аинтересқәа шашаӡа иааирԥшуан. Убас, 2013 шықәса, рашәарамзазы напхгара азиуан бриуссельтәи Европарламент ахь иааԥхьаз аԥсуааи абазацәеи рделегациа ду. Урҭ рхы аладырхәит иуникалтәыз аконференциа – «Аԥсныи Европеи: аилибакаареи аизааигәахареи рзы амҩақәа» ҳәа хьӡыс измаз. Аԥсны аҭоурых ҿыц далацәажәо, Шамба иазгәеиҭеит: «Кавказ ажәларқәа рҟынтә аӡәымзарак ақырҭқәа адгылара римҭаӡеит. Урҭ зегьы Аԥсны иадгылеит, уи аиҳагьы, иҟан Аԥсны аганахьала еибашьуаз ақырҭқәагьы, аибашьра афырхацәасгьы иҟалеит убас ақырҭқәа – ақырҭқәа ирабашьуаз». Араҟа иазгәаҭатәуп, Тарас Шамба – аҭынчрабзиабаратә хәаԥшышьақәа змоу уаҩны дшыҟоу. Иара есымша иазгәеиҭоит, ихәыҷра шымҩаԥысыз амилаҭрацәа ахьықәынхоз атәылаҟны, убри азыҳәан амилаҭкәа зегьы ҳаҭыр дула дшырзыҟоу. Аԥсны аибашьра алагамҭаз, Тарас Шамба алацәажәаразы ирыдигалеит ҭынчра мҩала Қырҭтәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа зныԥшуаз адокумент апроект, аха ақырҭуа еиҳабыра усҟан ргәы иҭамызт ҭынчрала аконфликт аӡбара. Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутаст аҟаларазы акандидат Тарас Шамба идгыларазы алхраԥхьатәи агитациа Гәдоуҭа амҩақәа рҿы © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатс аҟаларазы Тарас Шамба икандидатура ақәыргылара, араионтә кульутратә хан аҟны ауаажәлар реизара © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Апартиа Ихадоу Акомитет ихь иаҵанакуаз ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аректор Рудольф Иановскии, Академиа апартком амаӡаныҟәгаҩ Тарас Шамбеи, Москватәи ахәыҷтәы ҩны аусзуҩцәеи, Москва, 1987 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Рухи Ерҭаз (Ешба), Еиду Амилаҭқәа Реидгыла ихадоу амаӡаныҟәгаҩ Маикл ван Вальд, Тарас Шамба, Голландиа © Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы «Аҵарауаҩ идунеи» аҟнытә Зегьы ргәадура Есышықәса мшаԥы 29 рзы Тарас Мираон-иԥа дыргәаладыршәоит адунеи ахьынӡанаӡааӡо уи дыздыруаз, дызҭахыз зегьы. Акыршықәса раԥхьа иара иԥсҭазаараҿы дызҿыз иус хадақәа ааныжьны аҿарацәа ирымеидеит. Ихадоу иусқәа аҿар ирзынижьит, аха ауаажәларратә усура иахьагьы инапы алакуп. Аҵыхәтәантәи иаԥшьагарқәа ируакуп ииааӡаз аҿар гәахәарала ирыдыркылаз – Аиааира ду амш маи 9 рзы имҩаԥысуа «Ԥсра зқәым аполк» акциа Москватәи аԥсуа диаспора ралахәра. Тарас Шамба – акциа «Ԥсра зқәым аполк» алахәҩы © Москватәи Аԥсуа Диаспора Тарас Шамба еснагь ижәлари, иҩызцәеи иҭахцәеи дыргәадуран, уи икәша-мыкәша еснагь еизон хәыҷгьы-дугьы, зынӡа еиуеиԥшым ауаа. Иара ицәажәашьалеи игәаартышьеи рыла зегьы ргәы хихуан, ргәы дҭымҵәогьы даанхоит. Рабду ихьӡ иалаҽхәоит уи имоҭацәа – Анастасиеи Дениси, ҳәарада, убас ауп ишыҟоу иԥхацәагьы – Гаианеи, Назиреи. Тарас Мирон-иԥа – зҭаацәара лымкаала ирышьҭаз, бзиа избоз уаҩын. Иԥҳацәа ражәақәа рыла, урҭ рани раби ианакәызаалакгьы аԥхарра зцу аизыҟазаашьақәа рыбжьан. Шамаа рҭаацәара: арымарахьала – иԥҳацәа Гаианеи, Назиреи, арыӷьарахьала – Неллии, Тарас Шамбеи © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә Афото аҟны арымарахьала арыӷьарахь: Лев Шамбеи иԥшәмаԥҳәыс Изольдеи, Тарас Шамба ианхәа – Хана Мусаевна, Тарас Шамбеи иԥшәмаԥҳәыс Нелли, Аҟәа, 1967 шықәса © Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә «Зны март ааба рзы аҩны сыҟан, сыԥшызар, ашәҭшьыҵәрақәа ҩба шықәгылоу збеит», – ҳәа лгәалалыршәоит иԥҳа Назира. – Саб сиазҵааит усҟан: ҩба зыҟоузеи ҳәа. Иара ус иҳәеит: акы ҳара ҳуадаҿы иқәгылазаауеит, егьи акрахаҳфо ауадаҿы, избан акәзар шәара шәангьы, аҳәсақәа зегь реиԥш, акҿыҩраҿы акыраамҭа лхылгоит». Тарас Мирон-иԥа изкны ажәак зҳәозалаак зегьы иазгәарҭоит иҟәышра, ииашара, ихаризма. Иара ихаҭа гәаартыла иҳаиҳәахьан, ахаан аӡәы цәгьарак изыҟамҵара дшашьҭаз, ихадоу малс ииԥхьаӡо – ирҳаз аҩызцәа шьардаҩык шракәу. Источники: Ателехәаԥшратә фильм «Тарас Шамба. Жәлар рԥыза» Ателехәаԥшратә фильм «Аиаҵәақәа рахь игоу амҩа лаша. Тарас Шамба». Тарас Шамба Ахаҭарақәа Акомментари ааныжьразы шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп. Ашара а б в г ӷ д џ е ҽ ҿ ж з ӡ и к қ ҟ л м н о ҩ п ԥ р с т ҭ у ф х ҳ ц ҵ ч ҷ ш ы ь ә Абхазский язык Абазинский язык а б в г д е ё ж з и й к л м н о п р с т у ф х ц ч ш щ ъ ы ь э ю я Ӏ Абхазский язык Абазинский язык Ахҳәаа ыҟам Ахҭысқәа Шәаҳәарыла атәыла акәшара: АААК имҩаҧнаго амузыкатә проект аҳәаақәа арҭбаауеит. «Аԥсуара амҩахәасҭақәа» рцикл: Кәҷоҷа Миқаиа иҿцәажәара Аҟәа амузеиқәа рҿы: 2024 шықәсазы АААК апроект «Аимадара» иацнаҵеит Аҿцәажәара «Необходимо сохранить наш маленький абхазский мирок»: интервью с Теймуразом Тания "Згәы зыԥхьаны иааз": АААК иазнархиеит хатәгәаԥхарала иҳавагыланы еибашьуаз ирызку авидеонҵамҭа Аԥсни италиатәи ақалақь-ҳәынҭқаррақәеи: аԥсуа ҵарауаҩ Чрыгба ишәҟә ҿыц Реиҳа изыԥхьо «Аԥсуара амҩахәасҭақәа» рцикл: Кәҷоҷа Миқаиа иҿцәажәара 26 Жәабран 2024 10:00 Адиспансеризациа 2024: АААКи Агәабзиарахьчара аминистрреи ашколхәыҷқәа ргәабзиара агәаҭара еиҭахацдыркит. 18 Жәабран 2024 15:30 ААУ аҿы имҩаҧысит абаза бызшәала азеиҧш диктант 21 Жәабран 2024 21:05 Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҿы зымҽхак ҭбаам авиртуалтә екскурсиа 19 Жәабран 2024 13:30 Анҵамҭақәа зегьы Ҳара ҳхархәаҩцәа Мете Еряşар Гоқхан Аџьарҭҩрқ Салима Воуба Даниил Мишелия Абду Атила Арда Џьапуа Маи Абаза Владислава Цулукия Аҭалара Аҽҭаҩра Афотосахьақәа Аҧсны еиуеиҧшым акәакьқәа рҿы Ажьырныҳәа шымҩаҧырго зныҧшуа афотолента Авидеонҵамҭақәа «Аԥсуара амҩахәасҭақәа» рцикл: Кәҷоҷа Миқаиа иҿцәажәара Апроектқәа рыдгылара / Алахәцәа рыхәҭалагала Ахшәаара Аконгресс алалара Арзаҳал ахарҭәаара Аконгресс аҿы Аконтактқәа Амультимедиа Апроектқәа Аконгресс ажәабжьқәа © 2024 АААК Азинқәа зегь хьчоуп 18+ , ма шәыҽҭажәҩыроуп. АААК алахәцәа рхыԥхьаӡарахь адкылара аԥҟарақәа Арзаҳал онлаин ахарҭәаара Арзаҳал PDF аҭагалара Иҭабуп шәахьҳадҵаалаз. Иаарласны ҳаҽшәымаҳдоит. Иҭабуп шәахьҳалахәхаз! Иалашәҵаз азыҳәара хымԥада ҳахәаԥшуеит. 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail Ажәла, ахьӡ, абхьӡы Атекст аҿы агха Аацҳамҭа Асахьатә фаил, ма адокумент Ашьҭра 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail: Апароль Сагәалашәааит Апароль шәхашҭма? Аҭалара Аккаунт аԥҵаӡами? Аҽҭаҩра Ахархәаратә еиқәшаҳаҭра Асоциалтә ҳақәа рыла аҭалара: Защита reCAPTCHA: Конфиденциальность и Условия использования 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail: Ишәхәыц апароль (ф-символк иреиҵамкәа) Апароль еиҭанышәҵа Ахархәаҩ иақәшаҳаҭра аԥҟарақәа сыдыскылоит, схаҭаратә дыррақәа аус рыдулара сақәшаҳаҭуп. Аҽҭаҩра Асоциалтә ҳақәа рыла аҽҭаҩра: Защита reCAPTCHA: Конфиденциальность и Условия использования Иашәырбаз аелектронтә ԥошьҭа арҵабыргразы ишәзынашьҭуп азхьарԥш згәылоу асаламшәҟәы. Аҭаӡ Спам иҭоу агәаҭара шәхашәмыршҭын! Апортал анҵамҭақәа Шәаккаунт апароль аиҭашьақәыргыларазы ахьарԥш згәылоу асалам шәҟәы шәзынашьҭын. Ахьарԥш ала шәиасны апароль ҿыц шәхәыц.
https://abaza.org/abk/taras-shamba-apsuaa-zeg-rkhada
2024-03-03T03:33:37Z
<urn:uuid:3fec3c9b-0a6a-4e03-afe5-3d8b9926a074>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.71
0.98
304
51,649
tlsh:T1A988EA339980DB0BD6B3C09C8E928D395CD1281382627230DDD8F4702642459FBFCC1396FEE8469E24EB2661D262BE01658EECD565BD7AE731C204A67E3F78E93B547685DF
„Ақырҭуа гәахәтәы“ ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Робин Даниган дылԥылеит. Ари атәы аарыцҳаит апартиа „Ақырҭуа гәахәтәы“ аҟынтә. Аинформациа аҿы ишану ала, аиԥылараҿ аганқәа иахцәажәеит ЕАШ-и Қырҭтәылеи ирыбжьоу аусеицура. Иракли Кобахиӡе Робин Даниган лхаан ҩтәылак рыбжьара астратегиатә партниорреи аусеицуреи иаҳа шыӷәӷәахо, шыҭбаахо дшақәгәыӷуа иазгәеиҭеит. „Аиԥылараҿ ирзааҭгылеит Қырҭтәыла аҭыԥ змоу аполитикатә процессқәеи, Қырҭтәыла акандидат статус анашьареи, аполитикатә субеиктқәа реизыҟазаашьақәеи, 2024 шықәсатәи апарламенттә алхрақәеи ирызку азҵаарақәа”, – иануп аинформациа аҿы. АПОЛИТИКА İrakli Kobaxidze Робин Даниган 3 Еиҧшу Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Иракли Кобахиӡе - Европарламент аҩныҵҟа ашәқәа ркны ирҳәо зегьы ақырҭуа жәлар еилыркаар, уи ҳажәлар дара рахь ирымоу азныҟәаразы анырра бзиа амазаауеит Иракли Кобахиӡе - Агәабзиарахьчара аминистр иҟны аимадара иазкны исҳәар сҭахуп, амедицинатә усхкы ахаҭарнакцәа агәынамӡара рыман, уи гәасҭеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿырҧштәалагьы Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Италиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад дылҧылеит Франциа аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит Иракли Кобахиӡе Швеицариатәи аконфедерациа ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит Иракли Кобахиӡе Павел Герчински диԥылеит Китаитәи ареспублика Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизадатә режим шьақәнаргылеит Иракли Кобахиӡе - Ареспубликатә хәшәтәырҭа ареорганизациа аанкылахоит, иашьашәалоу азинтә докумнт аус адулара ҳалагахьеит Амш зеиҧшрахо 10° амҽ Қaрҭ ашә 11° аҩ 14° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-kobaxidze-robin-danigan-dml%D4%A5mleit/
2024-03-03T07:14:22Z
<urn:uuid:a0d66532-64ea-4353-a419-68767ac0173c>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.61
0.98
31
4,271
tlsh:T14A9A73918800CF5BD5B3C05C8AA199366CC1791B8761B120CED9B4B177491A8EAFCC13ADF9FC5E4E60EB2A11C061BF156605ECE719BDFFD7A11600B01E6E34EA2B8072869F
Аҧсны Ахада иҟны ицәыргоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа арҽеира алагаларазы аконституциатә закәан апроект Аҧсны Ахада иҟны ицәыргоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа арҽеира алагаларазы аконституциатә закәан апроект Аконституциатә реформа актәи аамҭахҵәаха аҳәаа иҭагӡаны Валери Агрба хантәаҩра ззиуа аусуратә гәыҧ Аҧсны Ахада иҟны ицәырнагеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа арҽеира алагаларазы “Аҧсны жәлар Реизара ахыҧхьаӡаратә шьақәгылашьазы” аконституциатә закәан апроект. Аконституциа арҽеира алагаларазы апроект иазгәанаҭоит Жәлар Реизара ахыҧхьаӡаратә шьақәгылашьа аҧсахра. Абри аконституциатә рҽеира иалнаршоит иеилаҧсоу алхратә система ашҟа аиасразы азинтә шьаҭа аҧҵара. Ишдыру еиҧш, алхратә система – иахьатәи адемократиатә ҳәынҭқарра иузаҟәымҭхо еиҿкаароуп. Уи зызку раҧхьа иргыланы азинмчы змоу жәлар рхаҭарнакра ашьақәыргылара ауп. Иарбан тәылазаалак аҟны алхратә системақәа аҧҵахоит аҭоурыхтә, аполитикатә, акультуратә ҷыдарақәеи атрадициақәеи ҳасаб рзуны. Алхратә системақәа реиҕьтәра – ари еиҧҟьара зқәым процессуп. Аҳәынҭқаррақәа зегьы ауаажәларра аинтересқәа рынагӡара иазку амчхара ашьақәыргылара алзыршо алхратә система амодель аҧшаара иашьҭоуп. Ари аус аҿы иҟоу аҧышәа аҧхьагылара змоу, идемократиатәу алхратә система ацәырҵра шьаҭас иамоуп. Алхратә система хықәкыс иамоуп, раҧхьаӡа иргыланы, мчы змоу аҳәынҭқарра аҧҵара. Аусуратә гәыҧ, иеиуеиҧшым атәылақәа рыҟны аус зуа алхратә системақәа, рхы иадырхәо аҧышәа анализ рзуны, алкаа ҟанаҵеит Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵаратә усбарҭа ашьақәыргыларазы иеилаҧсоу алхратә система еиҳа ианаалоит ҳәа. ,p>Аконституциатә рҽеирақәа аззырхио ргәаанагарала, иеилаҧсоу алхратә система иалнаршоит иеизышароуи амажоритартәи системақәа рхаҭабзиареи рыгхақәеи наҟ-ааҟ реиҟаратәра. Иеилаҧсоу алхратә система еиҳа ихадароу хаҭабзиараны иҟоуп уи Апарламент аҟны аамҭак ала апартиатәи арегионалтәи хаҭарнакра ахьалнаршо. Дарбанзаалак алхҩы имоуп аҭагылазаашьа аполитикатә программа алхны, апартиатә сиа азы абжьыҭара шилшо еиҧш, алхратә округ аҟны иқәыргылоу лымкаала акандидат изгьы абжьыҭара. Абасала, ганкахьала, ауаажәларраҟны иҟоу аинтересқәеи агәазыҳәарақәеи рхаҭарнакра наӡаны ишьақәнаргылоит, апартиарацәара аҿиара иацхраауеит, ипрофессионалтәу азакәанҧҵаратә усбарҭа аҧҵара алнаршоит, уи аилазаара ауаажәларраҿы аполитикатә мчқәа реизыҟазаашьа аныҧшуеит. Ари алхратә система хымҧадатәи ҧыжәараны иҟоуп, алхрақәа рыҟны рхықәыргыларазы рҽалархәразы алшара змоу апартиа иалам атәылауаа рпассивтә алхратә зин анагӡара ахьалнаршо. Абасала, иеилаҧсоу алхратә система иҟоу аполитикатә система амодель ашьҭрамдара еиқәнархоит, иагьышьақәнаргылоит иҿыцу аполитикатә традициақәа, иаҧнаҵоит Аҧсны аполитикатә ҧсҭазаара аҿиара зламҩаҧысуа амодель.
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2151/?print=Y
2024-02-22T20:43:34Z
<urn:uuid:afb4c86b-b685-4246-8c8d-b0e9d6714850>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
11
5,056
tlsh:T1D5A8E4A1F840CF4BD9B3C0548791AE356CD018074216B270CDC8F5700686099EBFCD0369EAE9194A30DB1A11E522FB199A0BFDE955BD6ED7709614C06E2F7CEA37A477C6FE
Адунеи зегьы, урҭ ирылоуп Қырҭтәылагьы COVID 19 авирус алаҵәара ессымша иаҿагыланы қәҧоит. Аҳәынҭқарра еиҧш ахатәы секторгьы, иалахәуп еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа рҿы. Убри аҟнытә аиҩызцәа иҳаӡбит аплатформа ашьақәыргылара, уаҟа згәы зыхьуа, бзиарак ҟазҵар зҭахәу зегьы ҳаиднакылеит, ҳаҧсадгьыл аҟны иҟоу ауадаҩрақәа раҧырхра амзыз ала. Аҭоурых ала ҳара ҳтәыла аҟны иуадаҩу аҭагылазаашьақәа раан атәылауаа ралахәыра ахадара ду аман, акризистә ҭагылазаашьа алҵраҿы. Ҳгәы иаанагоит уажәгьы иааит ус еиҧш иҟоу ацхыраара анагӡара аамҭа. Аиааира ҳакра аҟны иҟоуп, уи ҳара зегьы реиҳаӡа ибзианы иҳалшоит. Дарбынзаалак изҭахәу, атәыла ахатәгәаҧхарауаҩыс дҟалар илшоит, ҳшәыҳәоит ихашәырҭәаа аҽҭаҩра аформа. Ахатәгәаҧхарауаа ралахәыра, амедицинатә аган ала акәӡам изыҟало, урҭ аҧсыҽра гәыҧ иҭагылоу ауаа афатәи, амедикаментқәа рызнагареи, реиқәыршәареи русуп. Аҽҭаҩра Асаит аҟны иҟоу имариоу аҽҭаҩра форма ахарҭәаарала шәарҭ иаашәырҧшоит ацхырааразы ахатәгәаҧхарауаҩы игәыҳәара.
https://1anoba.ge/?lang=abk
2024-03-03T14:54:01Z
<urn:uuid:17eeb395-f1b6-4040-871b-b7656e926d1c>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
5
1,787
tlsh:T1278353312680CB8FDAB7C09D9BD14A316CD1280717236665DDC6F479524A09AFEFCC1359BEE5014E70A71822E2317F54A249DCE6693DFAE2705240E42D3F78ED37953584AE
Аԥсны ААК Апарламент ахь ажәалагала ҟанаҵеит «Аԥсны Аҳәынҭқапрра Ахада иалхрақәа рзы» Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы Ажьырныҳәамза 29 рзы Апарламент аҟны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак инарҭбаау аилатәара. Аилатәара мҩаԥигеит уи ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба. Адепутатцәа азыӡырҩит, иагьалацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Дмитри Маршьани уи иколлегацәеи – ААК алахәцәа Инна Кәарҷиеи Алиас Бранӡиеи ирыларҳәаз аинформациа. Уи «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Закәан ахархәаразы апрактика иадҳәалан. Ԥасатәи ашықәсқәа раан имҩаԥысуаз алхратә компаниақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аусура аԥышәа аихшьала ҟаҵаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацентртә алхратә комиссиа Апарламент ахь ажәалагала ҟанаҵеит аус зуа «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәак ралагаларазы. Абри инамаданы аиԥылара алахәцәа ахәаԥшит алхрақәа реихшьала иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы, ҷыдала, алхратә биуллитен аҟны аграфа «Зегь мап рыцәкра» ахархәара иадҳәалоу, иалацәажәеит алхыҩцәа абжьыҭарахь рнеира ахыԥхьаӡара ахықә ашьақәыргылареи ус зуа Азакәан залагалара алшо егьырҭ алкаақәеи.
https://parlamentra.org/ab/novosti/4374.html
2024-02-24T13:31:08Z
<urn:uuid:e0eed6f5-6140-49ad-b997-7877a593a2ce>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
5
2,201
tlsh:T1299FBF4116408E8BCCF7D004DA814D31ACC169030621B770CEC9F570065219CE7BCD03EEAAE4158B689F5026D152BF09A60DFEE9257C3ED370D611917D2F28EA3BA47AD6EE
Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара мҩаԥысит Аҟәа | Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра Аb • En • Ru • Tr Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ministry of Foreign Affairs of the Republic of Abkhazia Menu Аминистрразы Аминистр Аминистр ихаҭыԥуаа Аилазаара Азинмчрақәа Аофициалтә символика Адипломатиатә рангқәа Аҳамҭаҭара Ҳара шәыҽҳамажәда Ажәабжь ҿыцқәа Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Анотақәа Женеватәи аиҿцәажәарақәа Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Архив новостей Афотосахьақәа Авидео Адәныҟаполитикатә усура ахҳәаа Адәныҟатәи аполитика Аԥсны жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемаҟны Аԥсны иҟоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Аконсултә маҵзура Атәыла алаларазы азин Визада атәыла алалара Аконсултә еизгақәа Лассы-лассы иҟарҵо азҵаарақәа Аргаматәра Аккредитациа Аҳәынҭқарратә протокол адепартамент Адепартамент аусмҩаԥгатәқәеи ахықәкқәеи Аккредитациа амҩаԥгара Анкета для аккредитации Полезная информация Иҵоуроу аинформациа Аԥсны иазку азеиԥш информациа Аҳәынҭқарратә шьақәгылашьа Аҳәынҭқарратә символика Аҭоурых Акультура Аҳәынҭқарратә ныҳәақәа Иҵоуроу азхьарԥшқәа Поиск по сайту Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара мҩаԥысит Аҟәа 6 November 2023 183 Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара мҩаԥысит Аҟәа, абҵара 6 азы. Аилатәара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатәи азинмчи нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аҷыдалкаатәи азинмчи нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев. Аилатәара алахәылацәа алацәажәеит аиҳабыратә делегациа Минск рыҟазаара алҵшәақәа, Мрагылара Ааигәатәи атәылақәа рнырра, аԥсны-полистинатә диалог, Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы цҳаражәҳәаҩыс Мухамад Али иҟаҵара, Аԥсны аинтеграциатә еидгылақәа ралахәара, ЕАР жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцура. Аминистр Инал Арӡынба иҳәеит Аԥсни Аидгыла ҳәынҭқарра, ИАР атәылақәа, ЕАЕЕ рхаҭарнакцәеи аимадарақәа рыбжьарҵоит ҳәа. Иара иазгәеиҭеит Аԥсны арҭ аидгылақәа рылахәхара ишақәшаҳаҭу аҳәынҭқаррақәа реиҟарара апринцип инақәыршәаны. Иазгәаҭоуп арратә операциа ҷыда ахыркәшара ашьҭахь асоветаамҭашьҭахьтә ҵакырақәа рҿы аинтеграциатә процессқәа иҿыцу аформақәа шроуа. Абри инадҳәаланы аилацәажәара алахәылацәа иазгәарҭеит Аԥсны арҭ аидгылақәа рылахәхара азҵаарақәа рылацәажәара шзаанаҵу. Инал Арӡынба Ахеилак алахәылацәа ирзеиҭеиҳәеит ареспубликақәа рыҩганктә еимадара шыҟоу, Аԥсни беларуссиеи русбарҭабжьаратә еимадарақәа ақырҭуа дипломатцәа аҿгылара шарҭогьы ахырхарҭа рацәа шрымоу. Иара убасгьы Инал Арӡынба дазааҭгылан еиҭеиҳәеит Урыстәыла иҟоу Палестина ацҳаражәҳәаҩ иацәажәарақәа мҩаԥысуеит ԥхьаҟа адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы ҳәа. Аиалтәараҿы иара убасгьы иазгәаҭан ишалшо Аԥсни Ирани, Иемени, Афганистани, Ливани рыбжьара аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара. Инал Арӡынба иҳәеит ишаԥҵахо ҩ-ганктәи аусутә хеилак Аԥсны - Еидҵоу Арабтә Емиратқәа, арҭ аимадарақәа хра рыманы дшахәаԥшуа Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Инал Арӡынба еизаз ирзеиҭеиҳәеит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы аусура дшалагаз Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ ҿыц – Мухамад Али, дырзааҭгылеит уи инапынҵақәа. Еиҳабыратәым аиҿкаарақәеи ЕАР амаҵзурақәеи аус рыцура иалацәажәо алахәылацәа ирҳәеит урҭ ареспубликаҿы русура ахәшьара аҽакала азнеира шаҭаху. Аминистр инарҭбааны далацәажәеит USAID (жәларбжьаратәи аҿиараз ЕАА амаҵзура) асоветаамҭашьҭахьтәи аҵакырақәа рҿы аусура апринципқәа, Аԥсны аҵакырагьы налаҵаны.
http://mfaapsny.org/allnews/news/othernews/sostoyalos-zasedanie-obshchestvennogo-soveta-pri-ministerstve-inostrannykh-del-respubliki-abkhaziya-2/
2024-02-25T07:53:28Z
<urn:uuid:c93c4c60-2731-4155-9cbe-39e841f6acfe>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.85
0.98
54
6,625
tlsh:T1E0FCC7D16A40DB8BCA73C088CA818C3568C1585B8636B270CFC5B1B0165614DEBFCD13DAF5EC248A649B0612D6967B16560FFDEA657E7EC3618201E16D2F38DD37A47BC6DE
Сынтәа 70 шықәса ҵуеит абаза поет хьӡырҳәага Қьарим Мыхц диижьҭеи, уи иаԥҵамҭақәа жәпакы алитератураҭҵааҩцәа адунеитә поезиа алыԥшаахқәа ирхырыԥхьаӡалоит. Апоет ииубилеи инадҳәаланы АААК аинфопортал ишәыднагалоит иара изку аочерк. Гьаргь Чкала Алитератураҭҵааҩцәеи аԥхьаҩцәеи еицҿакны иазгәарҭоит Қьарим Мыхц ирҿиара афеномен даҽакы ишеиԥшым, Қьарим дшыхәыҷыз дзабадырдырыз апоет Микаель Ҷкату иакәзар, агәра ганы дыҟан «даҽа зқьышықәса рылагьы ашәуаа дырмоур ҟалап ҳәа Қьарим Мыхц ицназго даҽа поетк». Иара ақәра иниҵыз рацәаӡам, аха иаҳзынижьит зымчхареи зыԥшӡареи уаршанхо апоезиа ду. Қьарим – апионер, 1962 шықәса © Мыхц иҭаацәаратә архив аҟынтә «Ауаа рзами сызбыхшаз бара…» Ашәҟәқәа рҿы имширас иарбоуп лаҵара 6, 1949 шықәса. Аха Қьарим даниҵәҟьаз амза 5 рзоуп. Аинтерес аҵоуп абри еиԥш аиқәшәара: иналукааша арыцхәқәа ахьарбоу асовет амзар аҟны лаҵарамза 5 рзы иазгәарҭон Акьыԥхь амш. Қьарим иаб ижәлала дыҟазҭгьы Шавахов Абдул-Қьарим Лиуан-иԥа ҳәа ихьӡхон. Аха иара хымз зхыҵуаз сабины дшыҟаз иани иаби еилыҵит, уи ашьҭахь иаб уаҳа изҳареи иааӡареи акала далахәымызт. Хәыжәҷкәынтәи абжьаратә школ аҟны актәи аклаас ахь данца Қьарим ажурнал аҿы иан лыжәлала иҽаниҵеит Мыхц ҳәа. Иқәра анынаӡа ирҭаз апаспортгьы иара уи ажәлала иҟан. Алитературагьы убас далалеит – Мыхц Қьарим Лиуан-иԥа ҳәа. Ахәыҷы ианду Канитат лҟны изҳауан, уи лхаҵа анемец фашистцәа рабашьраан данҭаха аамышьҭахь, лхалазаҵәык илааӡеит лхәыҷқәа: Қьарим иан Александреи даҽа быжьҩык уи лашьцәеи лаҳәшьцәеи. Қьарим ианду лгәараҭа азааигәара дынхон уи лашьа Умар Шенкао. Қьарим ианшьцәа аӡәырҩы иара иқәлацәан, убри аҟнытә рмоҭа, ма раҳәшьаԥак еиԥш хәҷык днахараны акәымкәан, рашьа гәакьак еиԥш дыҟан, еицрызҳауан. Убри абзоурала иара иеиҭымра уи аҟарагьы иминырит, иаб усгьы дыҟамызт, иангьы уи аамҭазы даҽаџьара дынхон. Қьарим данпоетха иан илзикыз ацәаҳәа лыԥшаахқәа рацәоуп. Лҿаԥхьа ахара идны ихы ибон, дызну амҩа лара лахь – аҩныҟа дахьамырхынҳәуаз азы, убри даара игәы иҵхон: «Иҟасҵари шьҭа, нас иҟасҵари? Ауаа рзами сызбыхшаз бара…» Апоет ицәа ианыруан лара лаԥхьа ари адунеи шаанижьуаз, хьаас имазгьы акызаҵәык акәын: «Сан сзыхшаз илҵәыуаша ҟалап… Са саныҟам лгәы шәамысын, сшәыҳәоит». Қьарим Мыхц. Ажәбатәи акласс © Мыхц иҭаацәаратә архив аҟынтә Хәажәҷкәынтәи ажәҩан «иаҳа ииаҵәоуп» Хәыжәҷкәын ақыҭаҿы Қьарим Мыхц раԥхьатәи 12 шықәса роуп ихигаз. 1961 шықәсазы Черқьесск иҟоу аобласттә школ-интернат ахь ддәықәырҵеит. Уи нахыс иқыҭа гәакьахь уарла-шәарла зны-зынла даауан ауп, инеиԥынкыланы дынхомызт. Аха ус шакәугьы игәалашәараҿы наӡаӡа иаанхеит ихәыҷра ахьихигаз аҭыԥқәа, урҭ ирыдҳәалаз зегьы: ақыҭауаа, аҩнқәа, аҵлақәа, аӡиас. Иажәеинраалақәа жәпакы рҟны Хәыжәҷкәын дазышәаҳәоит, иагьџьеишьоит ишԥа иара егьырҭ ишԥарызгәамҭои «аратәи ажәҩан иаҳа ишыиаҵәоу, амра акәзар – иаҳа ишыхаау!» Нас ианбацәырҵи апоет игәаҵаҿы абрысҟатәи агәыбылра ду – абас имаҷны дахьынхоз ақыҭа ашҟа? Ари азҵаара аҭак ҟаҵо Қьарим Мыхц иҳәон: «Иҟалап, уи аныҟала сара схаҭагьы исызгәамҭазар. Ауаҩ иахь оума, аԥсадгьыл ахь оума угәыбылра аҵаулара аныудыруа, – бзиа иубо уанацәыхароу ауп. Сқыҭа сыԥсы ахьынӡаҿҳәароу, иара уи адгьыл аҿы ишьақәгылоз слахьынҵа иахьынӡалоу анеилыскаа уи саҟәыҭханы саныҟала ауп». Убраҟа Ҳәыжәҷкәын аҿоуп иахьииз раԥхьатәи иажәеинраалагьы. Усҟан иара дыҷкәына хәыҷын, аҽны ақәа леиуан, иара ақәа дшахәаԥшуаз… дамхаҵәыуеит. «Усҟан ахԥатәи акласс аҿы стәазар ҟаларын – ҳәа игәалаиршәон ари ихәыҷратә епизод атәы Қьарим. – Аҵәыуара санаҟәыҵ, абӷьыци акалами аашьҭысхын цәаҳәақәак анысҵеит». Даҽа ҩбаҟа шықәса рышьҭахь дмыҩыр зыҟаломызт. «Аиаша сшадгылаз саанхеит»: Микаель Ҷкату Дазхәыцуазма усҟан ажәлар рзы апоезиа ҵакыс иамоу, апоет ауаажәларратә ԥсҭазаараҿы ҭыԥс иааникыло атәы? «Ҳәарада, мап! Ажәеинраалақәа ззы исыҩуазгьы сзеилкаауамызт усҟан. Аха исмыҩыргьы ҟаломызт, ҳауада, фатәыда ауаҩы аԥсҭазаашьа шимам еиԥш, саргьы аҩрада ԥсыхәа сымамызт», – иҳәон Қьарим Лиуан-иԥа. Қьарим аҩра дшачычаз зегь раԥхьаӡа игәазҭаз уи ианшьа Мусса иоуп. Даалаган иаҳәшьаԥа хәыҷы Микаель Ҷкату иҿы днеигеит, уи усҟан Москва Алитературатә институт далганы даахьан, абаза литератураҿы ихы цәыригахьан. Аамҭак ашьҭахь Қьарим иажәеинраалақәа раԥхьаӡа акәны иркьыԥхьит амилаҭтә газеҭ «Коммунизм алашара» (иахьа – агазеҭ «Абазашҭа» – аред.) аҟны, ашкол даналгоз аамҭазы шәкы инарзынаԥшуа ажәеинраалақәа еизигахьан. Урҭ зегьы цқьа-шәқьа атетрадқәа ԥшьба ирынҵаны ишимаз Бемурза Ҭҳаиҵыхә (абаза литература аклассикцәа ируаӡәку – аред.) иҟны инанагеит, иара дрыԥхьаны абас еиԥш ахҳәаагьы рзыҟаиҵеит: «Арҭ ажәеинраалақәа зегьы шәҟәык аҟны еизгаӡам, аха еизоит, шьоукы-шьоукы макьана цқьа имшәыцт, аха ишәуеит, иреиӷьқәоу рыла иубаратәы иҟоуп – ԥхьаҟа иаҳагьы ишеиӷьхо. Арҭ атетрад бӷьыцқәа еихыршәшәо, уаԥхьо ушнеиуа игәаумҭарц залшом автор есааира дшеизҳауа». Қьарим Мыхц раԥхьатәи иажәеинраалақәа шәҟәны иҭыҵит иара аррамаҵура данахысуаз: раԥхьатәи иеизга «Сҵааҵла» ҭыҵит 1968 шықәсазы, иара изы уи ашәҟәы аекземплиар ԥошьҭала архәҭахь инарышьҭит. Қьарим Мыхц аррамаҵура ахысраан © Мыхц иҭаацәаратә архив аҟынтә «Заацәа дҟәышхеит, убри акызаҵәык ауп грас имоу» Қьарим аррамаҵура дахысуан Москва, Алитературатә институт ахьыҟаз ақалақь аҿы, иара уи аҭалара дазгәышьуан. 1970 шықәса жәабран мзазы иажәеинраалақәа аинститут ахь инаишьҭит, арҿиаратә конкурс иаларҵарц. Алитературатә институт аҭалара зҭахыз даараӡа ирацәаҩын: ҭыԥк ахь ҩышәҩык инареиҳаны ашәҟәқәа аларҵеит! Аха Қьарим аконкурс дахысит, аԥышәарақәа рахь днашьҭын, қәҿиаралагьы урҭ иҭиит. Алитинститут, ахԥатәи акурс, 1973 шықәса © Мыхц иҭаацәаратә архив аҟынтә Аинститут дахьҭалаз, апоезиазы асеминарқәа мҩаԥигон зыхьӡ нагоу алитературатә критик Александр Алықьса-иԥа Михаилов, даара иаамысҭашәаз аӡә иакәын иара. «Анышәаԥшь салхызшәа споетны сҟаиҵеит», – иҳәоит нас Қьарим иара изкны. Михаилов ихаҭа актәи акурс аамышьҭахь абас еиԥш ахәшьара ииҭеит иҵаҩы: «Апоезиа гәцаракрала дазыҟоуп. Грас иимоу акызаҵәык ауп – заа «дҟәышхеит», иқәра аиҳа ихыҵуазар иҭахуп, иахьа дшыҟоу еиԥш дқәыԥшны, игәы амца акны ахаарԥшра дацәшәоит. Убас ахаарԥшра дашьҭаларц ауп иабжьызго Қьарим. Егьи зегь иара илоуп. Ихы агәра иго дҟалар, иахьатәи амш иаҳзаанаго атемақәа дрызхьаԥшлар – апоезиаҿы амҩа дуӡӡа изыԥшуп». Қьарим Мыхц Алитинститут дахьынӡаҭаз дызхысыз 45 маҭәар акырӡа идыррақәа дырҵаулеит, ихәыцшьа дырҭбааит, илитературатә дунеихәаԥшышьа, зеиԥшла идунеидкылашьа ашьақәгылара иацхрааит. Алитинститут, аԥшьбатәи акурс 1974 шықәса © Мыхц иҭаацәаратә архив аҟынтә Агазеҭ аҟны аусура: апублицист, арепортиор, арратә корреспондент 1975 шықәсазы Алитературатә институт даналга Қьарим Мыхц аусура далагоит агазеҭ «Коммунизм алашара» аредакциаҿы. Ҩажәеи хәба шықәса инарзынаԥшуа абаза журналистика иазикит. «Сара сзы аредакциа баша усурҭа ҭыԥымызт – акы ахьыҟауҵо, нас уи азы ауалафахәы ахьуоуа. Анцәа дхазҵо изы ауахәама шыҟоу еиԥш, сара ныхак исзаҩызан уи. Уа аус зуаз зегьы ауаа цқьақәа ракәны срыхәаԥшуан», – ҳәа игәалаиршәон Қьарим. Агазеҭ аҟны аус ахьынӡаиуаз ашықәсқәа ирылагӡаны Қьарим Мыхц икьыԥхьит жанрлеи тематикалеи еиуеиԥшымыз аматериалқәа даараӡа ирацәаны. Ихы ааирԥшит иаарласӡаны ахҭыс атәы еиҭазҳәар зылшо репортиор бзианы, иара убас алитература бзианы издыруа, аочеркқәа шьахәны изыҩуа, апублицистикаҿы ажәа цҳафырла ацәажәара иацәымшәо журналистк иаҳасабала. Қьарим Мыхц иалкаау ижурналисттә усумҭақәа хазы иҭыҵуеит иҩымҭақәа реизга ахԥатәи атом аҟны. Қьарим Мыхц иколлегацәа ажурналистцәа дрыцны © Агазеҭ «Абазашҭа» аредакциа архив аҟнытә Ари аизга акьыԥхь абеит апоет идунеи аниԥсах ашьҭахь, уаҟа ҷыдала иалкаауп иара Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазикыз анҵамҭақәа рцикл. 1992 шықәса нанҳәа 14 рзы ақырҭқәа Аԥсны ишалалаз адунеи ианалаҩҩы, Қьарим иаразнакала ихазы иӡбеит уа дыҟазар шакәу. Аха иаарласны Аԥсныҟа дцаратәы изыҟамлеит. Ҟарачы-Черқьессиа дыҟанаҵ нанҳәа 27 рзы агазеҭ аҿы ибжьы ақәиргеит аешьаратә республикаҿы имҩаԥысуаз ахлымӡаах: «Сыблақәа акы рбом Аԥсны ԥшӡа збылуа амца қьоуқьад ада. Сгәы даҽа хьаак азышьҭыхуам ари аџьанаҭ-тәыла зықәдыршәаз арыцҳара анахыс. Изакәызаалак даҽа хәыцырҭак сымам ахақәиҭреи ахеиқәырхареи рзы иқәԥо аԥсуа жәлар рԥеиԥш ада…» Цәыббра 8 рзы Қьарим Мыхц амаҵураныҟәара дышьҭын аамҭала Гәдоуҭа итәаз Аԥсны аиҳабыра рыпресс-центр ашҟа. Мызкы иназынаԥшуа иара агазеҭ «Абазашҭа» аредакциахь иааишьҭит Аԥсны иҟоу-иану атәы еиҭазҳәоз астатиақәа фба. Аибашьраҵәҟьа ахьцоз дыҟан, Нхыҵ Кавказынтә хатәгәаԥхарала иааз дрывагылан. «Иара ҳааигәара дахьыҟаз мацара ҳгәы шьҭнахуан, фырхаҵарак ҟаҳҵандаз ҳәа ҳҟалон», – игәалаиршәоит «ҞЧА аҟынтәи Аԥсны еибашьуаз ахатәгәаԥхаҩцәа реидгыла» ахантәаҩы Заур Ӡыгәа. Черқьесскҟа даныхынҳә Қьарим Мыхц икьыԥхьит даҽа жәа-материалк, Аԥсны иблала иибаз зегьы ихы-игәы ишанырыз аарԥшуа. Қьарим Мыхц даныԥслак ашьҭахь, 2012 шықәсазы ианашьахоит Аԥсны иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» аорден, аибашьра аан хамеигӡарала аџьабаа иибаз азы, 2018 шықәсазы – ианаршьоит «Аиааиразы» амедал. Қьарим Мыхци ашәуа хатәгәаԥхарауаҩ Ҳасин Накәахәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан, 1992 шықәса © Агазеҭ «Абазашҭа» архив аҟынтә Пушкин ипоезиа «аласшьа» иеиԥшу Ажурналистикаҿы илшамҭақәа шырацәаӡоугьы, Қьарим Мыхц иус хаданы еснагь имаз апоезиа акәын. Згәы ԥшқаз, ԥсабарала абаҩхатәра ду злаз, аҵара бзиагьы зауз апоет жәеинраалала дхәыцуазшәа акәын иԥсы шҭаз. Илитературатә рҿиара иара ихаҭа дшазнеиуаз ажәлар рымаҵ аура аҳасабала акәын. «Сыжәлар рахь» захьӡу иажәеинраалаҿы иазгәеиҭоит: Иџьашәшьандаз ҳәа ажәа ԥшӡақәа срышьҭам. Издырт ибзиан адунеи сыззықәлаз: Шәа шәгәырӷьара сазышәаҳәарц слахҿыхны, Шәа шәрыцҳара иазыскырц сара суаз. Мыхц иԥсы ахьынӡаҭаз ажәеинраалақәа реизгақәа ааба ҭижьит. Раԥхьатәиқәа рҟны, алитератураҭҵааҩцәа ишазгәарҭо ала, хәыҷык иԥсыҽу ажәеинраалақәа уарла-шәарла иуԥылозаргьы, аҵыхәтәантәиқәа ирнылаз убас ишьахәуп, адунеитә поезиа иреиӷьӡоу аҿырԥштәқәа ирыдукылартә аҟынӡа. Икомпромиссдоу акритик, згәы разу ауаҩы: Владимир Тыгә изкны Абар Қьарим Мыхц ипоезиа дшахцәажәо афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аапрофессор Владимир Тыгә: «Мыхц иажәеинраалақәеи ипоемақәеи адәахьала убла хызкша апоезиатә маҭәала «еилаҳәаӡам». Убри аҟнытә азныказы имариоушәа, иласцәоушәа угәы иабар алшоит. Аха ари аласшьа Пушкин ицәаҳәақәа ирызҷыдароу аласшьа иеиԥшуп, уи иҵаулаӡоу афилософиатә хәыцра аҵоуп, аԥсҭазаара иреиҳаӡоу амаӡақәа аҵыздыраарц, иаазырԥшырц иашьҭоу. Асаркьеиԥш ицқьоу, аха ҵа змаӡам аӡмыжь еиԥш иҵаулоуп Мыхц ипоезиа, убри аиҿырԥшра зегь реиҳа инаалоит иара ихаҭагьы». Апрофессор Пиотр Чкала иакәзар, Мыхц изкны иҩуеит абас: «Ажәеинраала аиҿартәышьа аформеи, иузцәырнаго агәалаҟареи, абызшәа ахаҭеи убри аҟара инапаҿы иааигеит, иара иаасҭа еиӷьны изыҩыша даҽа поетк абаза литератураҿы мышкызны дҟалап ҳәа ахаҿы аагара уадаҩуп». Пиотр Чкала шьаҭанкыла иҭиҵааит Қьарим Мыхц ирҿиара зегьы, иара изикхьеит астатиақәа маҷымкәа, иара убас амонографиагьы («Са сааит абрахь, абра сынхарцаз…» – аред.), убри аҟнытә ҿыӷәӷәала иҳәоит: «Қьарим Мыхц – цәырҵра дууп, аӡәы дилаҩашьом абаза милаҭтә литератураҿы мацара акәым, адунеитә литератураҿгьы, амилаҭреи аҵакырадгьылреи ҳәаақәҵара ахьырымуа апоезиа адунеи аҿы». Қьарим Мыхц Теберда, 1979 шықәса © Мыхц иҭаацәаратә архив аҟынтә «Зегь раԥхьаӡа абзиабара ыҟан» Қьарим ипоезиа атематикала даара ибеиоуп. Абиблиографиатә еилыркаага «Абаза шәҟәыҩҩцәа» ианылаз иара изку астатиа алагоит абарҭ ажәақәа рыла: «Угәы иҭало алирик ҵаула…» Абарҭ ажәақәа Мыхц ипоезиа зегьы иазукыр ҟалоит, еиҳаракгьы ибзиабаратә лирика. Абзиабара атема аҭыԥ ду ааннакылоит Қьарим Мыхц ипоезиаҿы. Иџьоушьартә иҟоуп, абас ирацәаны абзиабара иазкны изыҩхьоу апоет, џьарак иадымхаргьы ажәакгьы еиҭамҳәакәа, еснагь иԥшӡаны, ихыркны, угәаҵанӡа инеиртә еиԥш ҩышьас иаиҭоз. Ателехәаԥшраҿы имҩаԥгаз еиԥыларак аҟны Кьарим Лиуан-иԥа длафны ус иҳеит: «Сажәеинраалақәа ирыԥхьо ус ргәы иаанагозар ҟалап: ҟоҳ, џьушьт, ари абзиабара дахыԥсаауеит ҳәа». Нас иациҵеит, иара изы абзиабара иаҵанакуа акыр ишырацәоу, уи аԥҳәыс лахь иузцәырҵуа ацәанырра адагьы, ан лахь, аԥсадгьыл ахь, иааидкыланы – ауаа рахь абзиабара шакәу атәы иҳәеит. Мыхц изыҳәан абзиабара – зегьы зықәгылоу уасхыруп, адунеи ашьаҭақәа зку. Уи атәы иҳәоит иажәеинраала «Зегь раԥхьаӡа абзиабара ыҟан» захьӡу аҿы: Азқьышықәсақәа шьарда цеит уи ашьҭахь, Аха уажәыгьы иҟоуп еимактәыс: Шьоукы ирҳәоит – «зегь раԥхьа иҟан ажәа», Егьырҭ – «мамоу, ираԥхьаӡан аус!» Ҳдунеи ду ала мыцхәы сшаҭан сыҟам, Ус акәзаргьы сазааит имарианы: Зегь раԥхьаӡа абзиабара ыҟан – Ауси ажәеи зхылҿиааз ҵабыргны. Мыхц ирҿиараҿы аҭыԥ ду аннакылоит иара убас аԥсра атема, насгьы наунагӡатәи аԥсҭазаара азхәыцра. Еиҳаракгьы ирҿиара аҵыхәтәантәи апериод азы уи лассы-лассы дазааиуеит. Мушьни Лашәриа: "Иҭабуп, Анцәа, сахьахьугӡаз сҳәатәы..." Қьарим ихаҭа абас ахиҳәаауан уи атема: «Аԥсра сзалацәажәо уи сацәшәаны, ма сахыццакуаны акәӡам. Ҳара зегь иаҳхамшҭлароуп ари адунеиаҿ наӡаӡа ҳашнымхо, аамҭала ҳаԥсы шҭоу. Мышкызны ҳадунеи ҳаԥсахуеит. Иаҳгозеи нарцәыҟа ҳанцо, ара инҳажьуеи ҳашьҭахь?» Абас доусы ихы дазҵаалароуп ҳәа иԥхьаӡон апоет. Убарҭ азҵаарақәа рҭак шыҟаҳҵо еиԥш иаҳхаҳгоит ҳаԥсҭазаарагьы ҳәа дазхәыцуан. Апоет ихаҭа изы акраҵанакуан доуҳала дыҭәны, игәи иареи еинааланы анхара. Цәеижьла аԥсра акәӡамызт дзыцәшәоз, гәыла ажәреи аԥсреи ракәын. Ашара, ахәлара, иахьа, уаҵәы, уаҵәашьҭахь… «Адунеи ахәыҷы илаӷырӡ иаԥсам…» Згәаҵәа жәпоу аҩысҭаа дрыцрыхоит, Дышнеиуа ихаҭа дхаҳәхоит… Сара сзыцәшәо аԥсра ахаҭа акәым, Сгәы ԥсны сазнымхааит адунеи. Қьарим Мыхц ирҿиара зегьы иагәылсуеит абаза жәлар рлахьынҵа азхьаарагьы. Уи реиҳа иахьааԥшуа ажәеинраалақәа ируакуп урысшәала ииҩыз ажәеинраала «Абазашҭа», иара убас апоема «Агәалашәара» аҟны, ара Мыхц поезиа бызшәала иааирԥшит ашәуаа знысыз рҭоурыхтә мҩа зегьы. Апоет ижәлар рлахьынҵа дазхьааны далацәажәоит, избан акәзар абаза жәлар рҭоурых аҟны арыцҳарақәа рацәан: аибашьрақәа, ахҵәарақәа, ауаа уаҵәы рымца ахьеиқәырҵо анырзымдыруаз аамҭақәа хьанҭақәа. Аха абарҭқәа зегь зхызгаз ажәлар зқьышықәсала рбызшәеи рҵас-қьабзқәеи мырӡкәа иааргеит, ԥхьаҟатәи абиԥарақәа ирзырыхьчеит. Убри аҟнытә ХХ-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы имҩаԥысуаз аполитикатә, аекономикатә еиҭакрақәа ирыхҟьаны ауаа аматериалтә беиара ианашьҭала, ауаҩреи, адоуҳаи аганахь инханы ианыҟала, апоет аҭоурых иазхьаара ахаҭыԥан ижәлар рԥеиԥш азы агәҭынчымра иоуит. Абызшәеи акультуреи зцәыӡыз ажәлар рмилаҭтә хаҿра рцәыӡуеит. Мыхцгьы аҿҟьара ихықәгылоу иуаажәлар убри деилиркаарц дашьҭоуп. Ахықәаҿ иааины ихықәгылоу абазақәа, Згәы иақәиҭу, шәабацо шьҭа шәара? Ишәаҳаӡом, аха шәазхәыц шәыԥсҭазаара, Сара санкаҳауа ма сыҵәаабжьы шәшәырҳа! Қьарим Мыхц абаза шәҟәыҩҩцәа рыбжьара, Қаидыхә араион аҟны © Агазеҭ «Абазашҭа» архив аҟынтә Иуникалтәу атекстқәеи урҭ реиҭагареи Абарҭ ажәеинраалақәа зегьы аурысшәахь еиҭеигеит москватәи апоет Андреи Галамага, ибзиангьы еиҭеигеит, ҳәарада. Аха зегь акоуп, дара злаҩу абаза бызшәала урҭ рыԥшӡашьа акалашәа иҟоуп, уи даҽа бызшәак ала еиҭаҳәашьа амаӡам. Аиашазы, абаза бызшәа – адунеиаҿ реиҳа иуадаҩу абызшәақәа ирхыԥхьаӡалоу – аҵара иаԥсоуп Қьарим Мыхц иажәеинраалақәа аоригинал абызшәала рыԥхьаразы мацарагьы. Пиотр Чкала: арҵаҩы, алитератор, аҵарауаҩ, академик Аха абас иуадаҩу абызшәала иҩуаз апоет изы акраҵанакуан ауаа рацәа иҿахәы раҳартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵара. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ран Қьарим Лиуан-иԥа ихаҭагьы аиҭагара аус нап аиркит – иара ихатә жәеинраалақәеи егьырҭ абаза поетцәа ражәеинраалақәеи аурысшәахь еиҭеигон. Дзыхьӡаз зегьы иҩымҭақәа реизга аҩбатәи атом ианылеит. Мыхц иԥсы ахьынӡаҭаз иеиҭагоу иажәеинраалақәа реизгақәа ҳәа акгьы ҭымҵӡацызт, хазы жәеинраалақәак ркьыԥхьхьан ауп. 2013-2018 шықәсқәа рзы Абаза милаҭ рыҿиара ацхырааразы жәларбжьаратәи ахеидкыла «Алашара» имҩаԥнагеит Пиотр Чкала иаԥшьигаз аиҭагаратә проект. Уи иалҵшәахеит Қьарим Мыхц иажәеинраалақәа реизга «Возвращаюсь» урыс бызшәала рҭыжьра, (аиҭагаҩ Андреи Галамага). Апроект автор игәаанагарала, ари аизга иалнаршоит аурс ԥхьаҩы иҟынӡа абаза поет Қьарим Мыхц ипоезиатә хаҿра анагара, урыстәылатәи алитературатә шҭахьы иҭаршылара. Қьарим Мыхц иажәеинраалақәа реизга «Возвращаюсь» урыс бызшәала © "Алашара" «Иузымҵо» Еицырдыруа анемец философ Иммануил Кант ишиҳәахьаз ала, агениалра иаанаго –«иузымҵо, зҵара алымшо, иҿыцу акы аԥҵароуп». Қьарим Мыхц идкыланы абри ахшыҩҵак уахәаԥшуазар, апрофессор Пиотр Чкала иҩуеит, апоет ирҿиамҭақәа жәпакы рҿы – апоема «Агәалашәара», ациклқәа «Амшынҵа адаҟьақәа», «Ахьаақәа рыдгьыл лаша», уҳәа ажәеинраалақәа рҿгьы иааԥшит хықәкыла џьара иузымҵо, Алитературатә институт акәыз, даҽа ҵараиурҭак акәыз. Ус иҟоу аԥсҭазааратә ԥышәагьы иунарҵом, уи ма ԥсабарала иулоуп, ма иулаӡам. «Абарҭ реиԥш иҟоу аҩымҭақәа жәҩанынтәи иааз агәацԥыҳәара иунарыҩуеит акәымзар, даҽакала иишьа рымаӡам, иузхәыцӡом, – ҳәа агәра ганы дыҟоуп Мыхц ирҿиара аҭҵааҩы. – Хшыҩла, ма логикала иаҳзеиҭаҳәаӡом абри аҩыза агармониа, аԥшӡара, аестетикатә нырра ӷәӷәаӡа ҳазҭо ацәанырра зхылҿиаауа <…> Араҟа акны еилаҵәеит ирационалтәуи ирационалтәыми, хшыҩла иузеилымкаауа, еиҭаҳәашьак ззыузыҟамҵо, асахьаркыратә цәанырреи, агәынхәҵысҭеи рыла ишьақәыргылоу. Абас иҟоу арҿиамҭақәа агәра удыргоит: Қьарим илаз аҟыбаҩ – уциуазароуп, иузҵаӡом. Шәагаала иузымшәо, иузымҳасабуа, хыхьынтәи Анцәа иулаиҵо баҩхатәра цқьоуп». Фатима Қмыз ладныҳәалара Қьарим Мыхц ирҿиаратә хәылԥазы аҟны, хәажәкыра 17, 2001 шықәса © Агазеҭ «Абазашҭа» архив аҟынтә Ахаҭара аарԥшра – адура иацырҟьоуп Қьарим Мыхц ирҿиара официаллагьы иазгәаҭан. 1998 шықәсазы ихҵан «Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика жәлар рпоет» ҳәа ахьӡ ҳаракы, 1999 шықәсазы Умар Алиев ихьӡ зху апремиа ианашьан абаза литература арҿиаразы иҟаиҵаз алагалазы. "Имариоума зегьы рзыҳәа иахьа хәлаанӡа абылра?": Таиф Аџьба игәалашәаразы Аха Қьарим Лиуан-иԥа ихаҭа ас еиԥш иҟоу аформалтә ҳаҭырқәҵара рацәак игәы азҭамызт, ихадараны ииԥхьаӡоз ауаа разхаҵара акәын. Аԥхьаҩцәа рыбзиабара дшаԥсахаз аршаҳаҭит Қьарим Мыхц ирҿиаратә хәылԥазы, 2001 шықәса, хәажәкыра 17 рзы имҩаԥысыз. Ахәылԥаз мҩаԥысит Черқьесск, адраматә театр ахыбраҿы, атеатр уаала иҭәын, ахәылԥаз ныҳәак еиԥш имҩаԥысит. Ауаа бзиа ирбоз апоет иԥсы ахьынӡаҭаз ажәа ҟәандақәа иаҳәара иахьӡеит. Абри аиԥылара ашьҭахь мызкгьы мҵыцкәа – мшаԥымза 12 рзы апоет идунеи иԥсахит. Ари адунеиаҿ зегьы ирқәашьхом рхаҭараҵәҟьа аарԥшра. Қьарим Мыхц уи илшеит. Абри идура азгәеиҭеит ҟарачытәи апоет Иусуф Созарыҟәа, иҩыза иԥсра абас еиԥш жәеинраалала иақәҿызҭыз: Акрали ақьачақьи рҭыԥкәа рԥсахуан, Уахьынаԥшлак зехьынџьара цәгьаран – Дыкралҵәҟьан усҟан арҭ зегьы насҭхьаҳәан, Меицакрада зхы аарԥшра зылшаз… Қьарим Мыхц дызлахәыз аҵыхәтәантәи ателехәаԥшратә дырраҭарақәа руак аҿы апоет иԥсҭазаара дазааҭгыло гызмалрада иазгәеиҭеит, иԥсҭазаара игәы шазҭоу, аха игәы еихьызшьуа «иара ихаҭа илшоз, дзыхьӡарц ииҭахыз аҟынтә иҟаиҵаз ахьмаҷу» акәын. Ачын дуқәеи амали ахьимырҳаз дахьхәны дыҟамызт. Иара изы зегь реиҳа ихадараз – уаҩрала иԥсҭазаара ахьихигаз ауп. Данқәыԥшызтәи игәы ацқьара ахьеиқәирхаз далаҽхәон. Қьарим Лиуан-иԥа Мыхц, 1987 шықәса © Агазеҭ «Абазашҭа» архив аҟынтә Ахаҭарақәа Қьрым Мыхц Акомментари ааныжьразы шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп. Ашара а б в г ӷ д џ е ҽ ҿ ж з ӡ и к қ ҟ л м н о ҩ п ԥ р с т ҭ у ф х ҳ ц ҵ ч ҷ ш ы ь ә Абхазский язык Абазинский язык а б в г д е ё ж з и й к л м н о п р с т у ф х ц ч ш щ ъ ы ь э ю я Ӏ Абхазский язык Абазинский язык Ахҳәаа ыҟам Атема ала анҵамҭақәа Аԥсуа литература абду, аԥсуа ҭҵаарадырра ахацыркҩы Дырмит Гәлиа 21.02.2019 09:50 «Еҳ, аамҭа, аамҭа, уабацои уԥырны…»: Иуа Коӷониа 115 шықәса ихыҵра иазкны 13.03.2019 18:30 «Исгәалашәоит Аиура Дуӡӡа амшқәа»: абаза поетесса Лариса Шебзыхәа лиубилеи иазкны 06.04.2019 12:45 Ставрополие имҩаԥысит абаза поет Қьрым Мыхц игәаларшәаратә рҿиаратә хәылԥазы 26.04.2019 10:40 Ахҭысқәа Шәаҳәарыла атәыла акәшара: АААК имҩаҧнаго амузыкатә проект аҳәаақәа арҭбаауеит. «Аԥсуара амҩахәасҭақәа» рцикл: Кәҷоҷа Миқаиа иҿцәажәара Аҟәа амузеиқәа рҿы: 2024 шықәсазы АААК апроект «Аимадара» иацнаҵеит Аҿцәажәара «Необходимо сохранить наш маленький абхазский мирок»: интервью с Теймуразом Тания "Згәы зыԥхьаны иааз": АААК иазнархиеит хатәгәаԥхарала иҳавагыланы еибашьуаз ирызку авидеонҵамҭа Аԥсни италиатәи ақалақь-ҳәынҭқаррақәеи: аԥсуа ҵарауаҩ Чрыгба ишәҟә ҿыц Реиҳа изыԥхьо «Аԥсуара амҩахәасҭақәа» рцикл: Кәҷоҷа Миқаиа иҿцәажәара 26 Жәабран 2024 10:00 Адиспансеризациа 2024: АААКи Агәабзиарахьчара аминистрреи ашколхәыҷқәа ргәабзиара агәаҭара еиҭахацдыркит. 18 Жәабран 2024 15:30 ААУ аҿы имҩаҧысит абаза бызшәала азеиҧш диктант 21 Жәабран 2024 21:05 Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҿы зымҽхак ҭбаам авиртуалтә екскурсиа 19 Жәабран 2024 13:30 Анҵамҭақәа зегьы Ҳара ҳхархәаҩцәа Заира Арӡынԥҳа Фаҭиҳ Услуир Эва Тания Осман Тüреыыен Тариэл Кварацхелия Исмаил Меҭе Аиқуҭ Мусҭафа Гҩрбҩзер Џьелалеҭҭин Нарман Аҭалара Аҽҭаҩра Афотосахьақәа Аҧсны еиуеиҧшым акәакьқәа рҿы Ажьырныҳәа шымҩаҧырго зныҧшуа афотолента Авидеонҵамҭақәа «Аԥсуара амҩахәасҭақәа» рцикл: Кәҷоҷа Миқаиа иҿцәажәара Апроектқәа рыдгылара / Алахәцәа рыхәҭалагала Ахшәаара Аконгресс алалара Арзаҳал ахарҭәаара Аконгресс аҿы Аконтактқәа Амультимедиа Апроектқәа Аконгресс ажәабжьқәа © 2024 АААК Азинқәа зегь хьчоуп 18+ , ма шәыҽҭажәҩыроуп. АААК алахәцәа рхыԥхьаӡарахь адкылара аԥҟарақәа Арзаҳал онлаин ахарҭәаара Арзаҳал PDF аҭагалара Иҭабуп шәахьҳадҵаалаз. Иаарласны ҳаҽшәымаҳдоит. Иҭабуп шәахьҳалахәхаз! Иалашәҵаз азыҳәара хымԥада ҳахәаԥшуеит. 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail Ажәла, ахьӡ, абхьӡы Атекст аҿы агха Аацҳамҭа Асахьатә фаил, ма адокумент Ашьҭра 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail: Апароль Сагәалашәааит Апароль шәхашҭма? Аҭалара Аккаунт аԥҵаӡами? Аҽҭаҩра Ахархәаратә еиқәшаҳаҭра Асоциалтә ҳақәа рыла аҭалара: Защита reCAPTCHA: Конфиденциальность и Условия использования 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail: Ишәхәыц апароль (ф-символк иреиҵамкәа) Апароль еиҭанышәҵа Ахархәаҩ иақәшаҳаҭра аԥҟарақәа сыдыскылоит, схаҭаратә дыррақәа аус рыдулара сақәшаҳаҭуп. Аҽҭаҩра Асоциалтә ҳақәа рыла аҽҭаҩра: Защита reCAPTCHA: Конфиденциальность и Условия использования Иашәырбаз аелектронтә ԥошьҭа арҵабыргразы ишәзынашьҭуп азхьарԥш згәылоу асаламшәҟәы. Аҭаӡ Спам иҭоу агәаҭара шәхашәмыршҭын! Апортал анҵамҭақәа Шәаккаунт апароль аиҭашьақәыргыларазы ахьарԥш згәылоу асалам шәҟәы шәзынашьҭын. Ахьарԥш ала шәиасны апароль ҿыц шәхәыц.
https://abaza.org/abk/izdyrt-ibzian-adunei-syzzykulaz-karim-mykhts-diizhtei-70-shykusa-atsra-iazkny
2024-03-03T01:58:37Z
<urn:uuid:f22fbc7d-415a-447e-b003-0648c37fe957>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.64
0.98
247
40,169
tlsh:T1F31480039A40CF4FC6B3C099CF8189316CD1184787637660CEC9F4751546099EFFCD13AAEAF80A5AB4EF1622E152AB15694AFCEA257C7FD7719200A52D3F38CA2BA476C19E
Шьалуа Папуашвили – Қырҭтәыла аиҳабыра Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа ҟарҵеит ақырҭуа жәлар рыхьӡала, акандидат астатусгьы ақырҭуа жәлар рыхьӡала ироуеит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Шьалуа Папуашвили – Қырҭтәыла аиҳабыра Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа ҟарҵеит ақырҭуа жә... Иҵегь аҭагалара Шьалуа Папуашвили – Қырҭтәыла аиҳабыра Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа ҟарҵеит ақырҭуа жәлар рыхьӡала, акандидат астатусгьы ақырҭуа жәлар рыхьӡала ироуеит 15:11, 26.10.2023 «Қырҭтәыла аиҳабыра Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа ҟарҵеит ақырҭуа жәлар рыхьӡала, акандидат астатусгьы ақырҭуа жәлар рыхьӡала ироуеит», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили. Иара иажәақәа рыла, абри ауп атәыла Аконституциеи жәларжьаратәи азини шьаҭас ирымоу. «Аоппозициаа аҵыхәтәантәи ақәҧара шымҩаҧырго аабоит. Рыҕба шӡааҟәрыло рбоит, дара шықәсыкибжьаки астатус аиураҿы иаҳҧырхагахарц азыҳәан ирылшоз зегьы ҟарҵон. Ари аҕба ӡааҟәрылоит, рыхәҭак аҕба иҭыҵны рхы еиқәдырхар рҭахуп, егьырҭ ари апроцесс аҧырхагахара рҽазыркит. Ҳәарада, Қырҭтәыла аиҳабыра Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа ҟарҵеит ақырҭуа жәлар рыхьӡала, акандидат астатусгьы ақырҭуа жәлар рыхьӡала ироуеит. Абри ауп атәыла Аконституциеи жәларжьаратәи зини шьаҭас ирымоу. Абри азнеишьа иақәшаҳаҭым ауаа зегьы урыстәылатәи астиль иақәныҟәоит. Дара атәыла ҳәа анырҳәо, аҳәынҭқарреи аиҳабыреи ракәымкәа, гәыҧқәак роуп излацәажәо. Уи урыстәылатәи политикоуп, гәыҧқәак алхны атәыла аҳасабала ирылацәажәоит, абри ауп аоппозициаа рзы иҟазшьарбагоу», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили. АПОЛИТИКА Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили 3 Еиҧшу Шьалуа Папуашвили – Сара аглобалтә коррупциа азҵаарақәа рзы Америка Аҳәынҭқарратә департамент акоординатор Ричард Непиу иҟны аиҧылара бзиа мҩаҧызгеит, иара Қырҭтәыла апрогресс ибзианы дахцәажәеит Шьалуа Папуашвили – Илиа II ақырҭуа доуҳатәреи амилаҭтә хдырреи арҕәҕәараҿы хәы змам алагала ҟаиҵеит Шьалуа Папуашвили – Ахадаратә ҵакы змоу 2 шьаҿак рҟынтә ак ҟаҵоуп, акандидат астатус ҳаухьеит, ҳара активла аусура наҳагӡоит ҳтәыла Евроеидгыла алахәылас иҟаларцаз Шьалуа Папуашвили – Евроеидгыла иалоу еиуеиҧшым атәылақәа рыбжьара уажәазы имҩаҧысуа адискуссиа Қырҭтәыла иаҧырхагахом, Қырҭтәыла ауааҧсыра аӡбара иаша иазыҧшуп Шьалуа Папуашвили – Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара астратегиатә партниорра ҳахәаҧшуеит командак аусура аҳасабала Шьалуа Папуашвили аофициалтә визитла Бақәаҟа ддәықәлеит Шьалуа Папуашвили – Импыҵахалоу Гал ампыҵахаалара агәымбылџьбара аазырҧшуа ихьанҭаӡоу даҽа фактк ҟалеит Шьалуа Папуашвили – Европатәи ахеилак Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи ирыдҳәаланы Еврокомиссиа иҟанаҵаз абжьагара иазҧхьагәанаҭап ҳәа ҳгәыҕуеит Шьалуа Папуашвили – Вашингтон имҩаҧысуа асаммит аан Қырҭтәыла адгылара ҕәҕәа азаарҧшызароуп, Қырҭтәыла, апараметрқәа зегьы рыла алахәызааразы ихиоуп, НАТО аполитикатә аӡбара аднакылароуп Шьалуа Папуашвили – НАТО Евроеидгыла азнеишьа рхы иадырхәароуп, акритериқәа ҳарҳәароуп, уи аҵакы ду амоуп, избанзар, апрогресс аныҟалалак, дара аӡбара шрыдыркыло аадыруазароуп Амш зеиҧшрахо 4° аҩ Қaрҭ Ах 6° аҧшь 9° Авалиута акурс $ USD 2.6562 0.004 € EUR 2.8820 0.006 ₽ RUB 0.028893 0.017 £ GBP 3.3686 0.006 TOP 5 Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит Илиа Дарчиашвили – Агәра ганы ҳаҟоуп жәларбжьаратәи ауаажәларра рпозициа ҕәҕәа ахадаратә ҵакы шамоу Урыстәыла ахатә ҧхықәрақәа нагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагарц азыҳәан Атапанчала ахысразы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионс иҟалеит – #1TVSPORT Қырҭтәыла VS Сербиа Актәи аканал аҿы - итәу "Қарҭтәи аренаҿ" арекордсен Гьаргь Цинцаӡе амҵәышәмпыд аҟынтә днаскьаргоит #1TVSPORT
https://1tv.ge/lang/ab/news/sh%D1%8Calwa-papwashvili-qmr%D2%ADtmla-aihabmra-evroeidgmla-alalarazm-azmham%D2%ADa-kharceit-aqmr%D2%ADwa-zhlar-rmx%D1%8Cdzala-akandidat-astatwsg%D1%8Cm-aqm/
2024-02-27T15:57:43Z
<urn:uuid:146f128a-0cda-456d-8591-a132e2e9d695>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.62
0.96
50
7,062
tlsh:T1F4C979E18888DB0FD5B3C459CB508E367CC17906832672A0CEE9F4701749088EFFCC0369F9E8055E30DB1462E163BB115A4DECE759BEBEDB614600A26D3F35EA32A871899D
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Башкорҭосҭан Аҧыза-министр Андреи Назарови Уфатәи амотореибыҭарҭатә ааглыхратә наплакы иаҭааит. Аҧсны Ахада напхгара зиҭо аҧсуа делегациа игәарҭеит аҳаирплан рныҟәагатә хәҭақәа рҭрыжьразы ааглыхра-технологиатә центр аус шауа. Ари анаплакы аҟны иҟоу иахьатәи аамҭа иақәшәо ааглыхрақәа ируакуп. 300 чарҭеи аусадуларатә центрқәеи змоу ари ацентр аҟны аус руеит 800-ҩык рҟынӡа амотореибаҭаҩцәа. "УААН - зҭоурых беиоу, аҵак ду змоу, иуникалтәу наплакуп, амашьынаеибыҭаратә усхк аҟны аҧышәа ду амоуп, - иҳәеит Андреи Назаров.Уи иҳәеит ара, зус еиқәшәаны аус зуа аколлектив аҩныҵҟа ишыҟоу уфатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгахьоу аҿар рацәаҩны. Иара убас, алелегациа аҭааит авиациа ахыркәшаратә еидкыларҭеи адгьылхыхьтәи арныҟәагақәеи рцентр. Анаҩс, аделегациа алахәцәа аҭааит ааглыхраҟны атехнологиатә усура хзыркәшо, аҭакԥхықәра ду змоу аамҭа хҵәаханы иҟоу, авиациатә рныҟәагақәа аԥышәара иахьахысуа ацех. Аԥышәараан аҭыжьымҭа аҳәаақәҵареи еиуеиԥшым арежимқәа раан аусушьа агәаҭареи мҩаԥысуеит. Аслан Бжьаниа ахә ҳаракны ишьеит уфатәи амтореибаҭаҩцәа русумҭақәа. «Даара зҿлымҳара зыҭатәу зауадуп Уфатәи амотореибыҭаратә наплакы, улала иубо авиациатә рныҟәагақәа рҭыжьра џьашьахәуп. Ааглыхратә цехқәа рҭаара анаҩс, сара даҽазныкгьы агәра згеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи анеицу – иаҳиааиуа дзыҟалаӡом, - иҳәеит иацҵаны Аслан Бжьаниа, Башкорҭасҭани Аԥсни аусхкқәа жәпакы рыҟны наҟ-ааҟ феида змоу аусеицура дшазхиоу атәы азгәаҭаны. Аныҟәарақәа рышьҭахь Аслан Бжьаниа ҳамҭас иҭан ари азауад аҟны зырныҟәагақәа ҭрыжьуа аҳаирпланшәарыца акопиа еиҵа. Аԥсны Ахада иганахьалагьы иҳәеит хәызмоу ари аҳамҭа иусуратә уадаҟны иҵәахны ишимазаауа. -- Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/14790/
2024-03-02T02:32:19Z
<urn:uuid:6a8bf876-7345-4c46-8348-b6a1f436327d>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.91
0.8
0.97
15
3,976
tlsh:T17BCE91815B40CB4FD6B3C055DA829A366CD1580257A2B2A0CEC5F5755642099EBFCD03E6FAE91A8AA4DF0111E156FA20BD0EFDE6297D6EE7305240E03D3F38DC27943AC29E
https://sputnik-abkhazia.info/20170521/tirkutila-inho-hdzhindzhuaa-ari-amsh-hashtra-akum-1021070902.html Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа: ари амш хашҭара ақәым Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа: ари амш хашҭара ақәым Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа амҳаџьырра аамҭа хьанҭақәа ргәаладыршәоит, ргәаангарагьы ҳацеиҩыршеит. 21.05.2017, Sputnik Аҧсны 2017-05-21T11:55+0300 2017-05-21T11:55+0300 2017-05-21T11:56+0300 https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102106/99/1021069948_2:0:1021:576_1920x0_80_0_0_3d77428fda5a9f78475ecf28a9e7171c.jpg Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 2017 Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Ажәабжьқәа ab_AB Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 1920 1080 true 1920 1440 true https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102106/99/1021069948_53:0:970:576_1920x0_80_0_0_92990969efeb66511f261777dc488153.jpg 1920 1920 true Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Sputnik Аҧсны ажәабжьқәа, аԥсны ажәабжьқәа, аԥсны Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа: ари амш хашҭара ақәым 11:55 21.05.2017 (ирҿыцуп: 11:56 21.05.2017) © Foto / Сырма АшәԥҳаҚьефқьен © Foto / Сырма Ашәԥҳа Анапаҵаҩра Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа амҳаџьырра аамҭа хьанҭақәа ргәаладыршәоит, ргәаангарагьы ҳацеиҩыршеит. Sputnik, Сырма Ашәԥҳа Зыԥсадгьыл аҟынтә Ҭырқәтәылаҟа ихырҵәаз, насгьы зыԥсахәага зманы Қьефқьен иӡхыҵыз аԥсуаа изҭашәаз агәаҟра цәгьа рызхымгакәа зықьҩыла рыԥсҭазаарақәа ҿахҵәеит. Хәыҷи-дуи рнышәынҭрақәа ара иахьагьы улаԥш рыхьӡом. Ахәыҷқәа рыԥсыбаҩ амардеит Қараач аҭыԥ аҿы. Уи аҭыԥ иацәыхарамкәа анышә иамадоуп урҭ рҭаацәарақәа. Аԥснынтә Қьефқьенынӡа мшынгәыла мчыбжьык шхәала аныҟәара ахьыбжьаз иацын хырԥашьа змамыз аԥсҭбарақәа, ачымазара бааԥсқәа… Абарҭқәа зегьы ахҵәара иақәшәаз ҳауаажәлар ирԥышәаган… Есаҭ Ахба: атәым жәлар уанрылоу, узлоу акультура уныруеит 18 Лаҵара 2017, 09:41 Кавказ ажәларқәа рыԥсадгьылқәа мчымхарыла ианахгаз аамҭазы, амҩан ирхыргаз агәаҟрацәгьа зегьы ибзианы еилаҳкаауеит, ҳәа иҳәеит ҳџьынџьуаа ируаӡәку Феридун Аҟәысба. "Қаԥба Руҳи иан рыцҳа илҳәоны исаҳахьан ҳабдуцәа атәым дгьыл ианықәнагала изықәшәаз аџьамыӷәа цәгьа. Ҭауақ ҳәа ақыҭа ыҟоуп, убра анхара иалагеит дара. Ара иахьааиз ирыԥгылаз ауадаҩрақәа ириааины ахеиқәырхара иашьҭалар акәхеит. Иларҵашаз аџьықәреи ажәлаҵәҟьа рымамызт. Зыӡбахә сҳәоу абырг рбаӷьки ԥшьыкәтыки лымазаарын. Усҟан, Қаинач ҳәа иҟаз ақыҭахь дахьналбааз, ԥҳәыск амӡырхаҿы аџьықәреи лырҩон. Дналыдгылагәышьеит, аха абызшәа лыздырам, илҭахәу лзеиҭаҳәом. Лгәы анкыдгыла дыԥхалҵеит. Убри аамҭазы илыцыз лмаҭа хәыҷы лахь лхы налырхан ус лҳәеит: "Абааԥсы, схәыҷы, сбацәҳауашәа ҟасҵоит, аџьықәреи бналаԥаланы быҩны биас, беимаа хәыҷқәа цырақәак навҵаԥсар жәлас иҟаҳҵоит", ҳәа налалҳәеит. Убасала, лмоҭа лажәцәеимаа хәыҷқәа ирываԥсаз аџьықәреи уаԥсҵәык аҟара агара лылшеит. Абырлаш лҵәахуазшәа лкасыш инылаҵаны, илгәыдыҳәҳәаланы аҩныҟа иаалгеит. Аҩны ианаалга, исырԥшшоит ҳәа иахьнықәлыԥсаз акәытқәа илцәырфагәышьеит. Акәтқәа шьны, рыхәда ачыҟә икылхны, абасала аџьықәреи жәла ларҵеит ҳауаажәлар атәым дгьыл иқәнагалаз, хәа иҳәеит Аҟәысба. Иара иажәақәа рыла, анышәынҭрақәа зларжуаз ҽагаҵәҟьак рымамызт. Абас арыцҳара ӷәӷәа иақәшәаз ахәбатәи, афбатәи абиԥара иаҵанакуа аџьынџьуаа ҳауп ҳара иҳәоит. Ари аҩыза ахлымӡаах хашҭра ахааназы иақәлар ҟалаӡом. "Ҭырқәтәыла ҳаҟоума, Аԥсны иҟоума, иара убас аԥсуаа ахьыҟазаалакгьы, ҳаԥсадгьыл ԥшӡа аиқәырхара ҳуалԥшьоуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны ҳауаажәлар ирылдыршеит ҩаԥхьа ҳадгьыл аиқәырхара. Уи рыԥсҭазаара ахҭнырҵеит зықьҩыла ҳҵеицәа. Иахьа, ҳаԥсадгьыл иахашәыршәыруеит Аԥсуа бираҟ, уи нагӡара ақәзааит!", — иҳәеит ҳџьынџьуаҩ. Зеррин Шамԥҳа: "Ацынҵәарах" санаԥхьо даҽакала сҟалоит, ҿыц саԥхьоушәа исзааиуеит 17 Лаҵара 2017, 10:30 Абасала, аҭоурых алахьынҵа бааԥс аԥсуаа ирԥеиԥшнатәхьеит. Аԥсуа жәлар зыхҟьаз, изықәшәаз арыцҳара агәаларшәаразы лаҵарамзазы есышықәса еиқәшәоит Қьефқьен, рабдуцәа ирыхҭысыз алацәажәаразы. Амҩан ианаауаз ашыӡ зыхьны, амлакра иакны иԥсыз асабицәа рхыԥхьаӡара ҵҩа рымам. Уажәшьҭарнахыс аԥсуаа иҳахҭысыз, ҳлеишәа, ҳқьабз, ҳкультура, ҳбызшәа иҳаракны ишьҭызхша аҿар роуп. Ахҵәара ззырҳәо, уаныхҵәо уахьцо уҽазыҟаҵаны уанцо ауп. Ари хҵәараӡам, еибарҳәага аӷбақәа ирҭацаланы иаарцаз роуп. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа ҳхатәы бызшәа ҳмырӡроуп, ҳахьыҟазаалакгьы ҳшаԥсацәоу ҳдыруазароуп, иҳәеит Аҟәысба. "Уаԥсҵәык анышә ԥсадгьылхом, зыԥсадгьыл иаԥхахаз аԥсуаа ҳзы. Лаҵарамза 21, агәаҟра амш азы ҳаизоит аха, ҳгәы ӷәӷәоу, ҳаиҳабацәа ирхыргаз аҭоурых ҳалацәажәоит, иҳарӡӡом. Шықәсқәак раахыс Ҭырқәтәыла имҩаԥаҳго ахҭыс рхы аладырхәуеит Аԥснытәи ҳашьцәа. Уи даара ҳгәы арӷәӷәоит. Аԥснынтә усҟан аӷбақәа иааргаз ҳауаажәлар рхылҵшьҭрақәа Анцәа иҳәааит рыԥсадгьыл ахь наунагӡа уажәшьҭарнахыс иаго", — ҳәа лҳәоит ҳџьынџьуаҩ Иульқьиу Ашәԥҳа. Ҳџьынџьуаҩ Илҳан Аҩӡба игәалаиршәоит даҿа хҭыск, иабдуи иареи ахәышҭаара ҳаҿҳәатәан. Иара дыхәмаруан, иабду амца дахәаԥшны дҵәыуон. "Сабду, узҵәыуозеи, уан дыԥсыма?", сҳәеит. Сызҵәыуо уара иузеилкаарым, аха иуасҳәап иҳәеит. Ҳара Аԥснынтә ҳанаауаз, ар рыӷба ҳақәдыртәеит, аӡәы саб ҳәа дшыҳәҳәоз, егьи сашьа ҳәа дшыҳәҳәоз, ҳшеибырҳәҳәоз ҳаидыҵит. Иршьыма, инхама, иԥсыма, ирыхь сыздырӡуам, уи азоуп сызҵәыуо иҳәеит. Мышкы зны сажәақәа угәалашәахра уҟоуп, иҳәеит. Иахьа, уи лабҿабхеит. Ҳгәыхь ҳдыруеит. Сара сабду Аԥснынтә дхырҵәан. Сара уи ихылҵшьҭра сеиуоуп. Аԥсуа жәлар аԥеиԥш бзиа ҳамазааит!", — иҳәеит Илҳан.
https://sputnik-abkhazia.info/20170521/tirkutila-inho-hdzhindzhuaa-ari-amsh-hashtra-akum-1021070902.html
2024-02-26T04:24:39Z
<urn:uuid:b7880fac-2194-47f4-bfdc-a940a92a0a2c>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.89
0.61
0.9
38
9,251
tlsh:T1A7DC9912CC808B8FCAB3D44DAFD2493668D1184346637721CEC9F1B01745169FFFDC139AEBE42A5AB4DB1122D092BE14684EEDEA297E66E371D250A52C3F35CC27A539C09F
Европейский Союз в действии: работая на благо более безопасной Европы и более стабильного мира (субтитры на абхазском) Один день из жизни наблюдателя (субтитры на абхазском языке) Аимадара English / ქართული / Русский / Ирон / Аҧсуа / հայերեն / Azərbaycan / Ихадоу Ҳара иҳазкны Амандат Амандат Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом.
https://eumm.eu/ab/about_eumm/mandate/
2024-02-23T17:11:16Z
<urn:uuid:b2551655-4272-4c33-a609-bff39d3b101f>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.8
0.64
0.97
14
2,519
tlsh:T1F008EC515584CB4BC1B3D4A9CA814F346CE2695382117671DD8EB8B21185059EFFCC139ABEE8011BB0EB1911D222BF00690AECDA687DBBE7B04210B16E3E39D9235576C56E
Аҧсны иқәынхо аҧсылманцәа гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Кәырбанныҳәа! Ари адунеи иқәынхо аҧсылманцәа зегьы агәреибагареи анцәахаҵареи ирдыргоу, иҧшьоу агәырӷьара зцу ныҳәаны иазгәарҭо ныҳәоуп. Кәырбанныҳәа иугәаланаршәоит ахамеигӡареи арыцҳаибашьареи ирымоу иҵаулоу адоуҳатә ҵакы. Кәырбанныҳәа ацхыраара зҭаху рыцхыраашьа, рыдгылашьа унарҵоит. Иҳанаҳәоит ауаҩы ирыцҳашьареи, ҧсыцқьала изыҟазаашьеи иамоу аҵак ду атәы. Абри амш аҽны Аҧсны иқәынхо аҧсылманцәа зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, анасыҧ, ахирра. Кәырбанныҳәа Аҧсны иқәынхо ажәлар зегьы реилибакаареи, ирыбжьоу аҧхарреи, ракзаареи ирсимволхааит.
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15754/?print=Y
2024-02-22T20:16:40Z
<urn:uuid:cb40f853-72c3-4839-8a83-0e00efaec8cb>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
3
1,127
tlsh:T134917B2138848B4BD5F3C11DCAA3563314D03847CB8277A0EDD6F5B49B811B8FAF8D13ADBAE40109B8DB2200C161AE10E90EADE71D7DBB9370A214543D7F78C81AE435C15E
Москва, ахәашаҽны имҩаҧысит Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Ашәарҭадаратә Хеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Медведеви реиҧылара. Д. Медведев Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра азханаҵеижьҭеи 15 ш. ахыҵра арыцхә идиныҳәалеит, изеиӷьеишьеит аҭынчра, аизҳазыӷьара, ақәҿиарақәа! «Гәык-ҧсык ала бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит. Акрызҵазкуа арыцхә ааигәахоит - Урыстәыла Алада Уаҧстәылеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи рхьыҧшымра азханаҵеижьҭеи 15 ш. ҵит. 2008 ш. рзы Урыстәыла иаднакылаз ари азыӡба мариамыз, аха уи Кавказ аҭынxра шьақәнаргылеит, ареспубликақәа рыҟны атәылауаа рыҧсҭазаареи ргәабзиареи hsхьчара алнаршеит. Уи нахыс ҳаизыҟазаашьақәа қәҿиарала аҿиара иаҿуп, аиҩызаратә, аусеицуратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп, хымҧада урҭ аҧхьаҟагьы ирыцҵахоит. Сара исҭахуп шәтәылауаа ироуз ахьыҧшымра рыдысныҳәаларц, усҟан жәларбжьаратәи азинқәа рсубиектқәа рышьақәгылара, хаҭала шәареи шәыуаажәлари ирзеиӷьасшьарц аихьӡарақәа. Ишәыдысныҳәалоит аҵак ду змоу ари арыцхә»,- иҳәеит Медведев. Аслан Бжьаниа Урыстәыла анапхгареи хаҭала Дмитри Анатоли-иҧеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит абас еиҧш илахьынҵаӡбагоу аӡбамҭа ахьрыдыркылаз азы. «Шәара ҳҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵарала аҧсуа ҳәынҭқарра аҿиараҟны алагала ду ҟашәҵеит,. Убри алагьы Аҧсны аҭынчра ашьақәыргылара алыршахеит. Шәара ибзианы ижәдыруеит, 1993 ш. инаркны 2008 ш.-нӡа Аҧсны, Гал араион аҟны атерактқәа ирхырҟьаны ишҭахаз шәҩыла ҳтәылауаа, уи зегьы аанкылоуп, аҳәаа рӷәӷәоуп. Иҳауит аҭагылазаашьа ҭынч анхара-анҵыразы, хыҧхьаӡара рацәала ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи еиҭашьақәыргылоуп, убас атеатрқәа, абарҭқәа зегьы аҭынчра ашьақәгылареи Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо адгылареи ирыбзоураны. Аҧсны жәлар ари рхашҭраны иҟаӡам, избанзар, аҭынчра еиҳау акгьы ыҟаӡам»,- иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада. «Ахьыҧшымреи аҭынчреи акыраамҭа ҳарзықәԥон. Уи амҩа ашьеи аҧхӡашеи ықәыршуп. Аҵыхәтәаны, Урыстәылатәи Афедерациа иабзоураны, аиаша аиааира агеит. Адырра шәысҭарц сҭахуп, ҳзеиҧш проектқәа аҧхьаҟагьы ишыҿиало, ҳаидгыларатә еизыҟазаашьақәа есааира иҳарӷәӷәалоит»,- иҳәеит иара, иара убас иациҵеит, иаҭахны ианыҟала Аҧсны Урыстәылеи аиашьаратә Республика Алада Уаҧстәылеи рыжәларқәа рыдгылара ишазхиоу. Аслан Бжьаниа иара убас иҳәеит амшхәаҧштә аҟны иқәгылоу азҵаарақәа иаарласны ишыӡбахо, ҩ-тәылак реиҩызара еиҳагьы ишыӷәӷәахо.
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15887/?print=Y
2024-02-22T21:50:20Z
<urn:uuid:73d0ee56-d375-4c87-b2e7-469fb2dad74a>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
13
4,202
tlsh:T1D1A1DF817B809B4FC1B3C459DF914A356CD154434662B260CECAF175279A098EFFCD13A6FAE8059FB4DB1621D032BA146A4EECE6287EBBD3705200A56D3F38DD339434C1AE
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла иҟоу Швециа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Анна Либерг дылҧылеит. Аиҧылара аибадырратә ҟазшьа аман. Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Швециеи рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицара иалацәажәеит. Шьалуа Папуашвили Швециа аҭабура азааирҧшит аполитикатә ганахьала Қырҭтәыла адгылареи атәыла аекономикатә аҿиара ацхраареи азыҳәан. Аганқәа рхаҭарнакцәа евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла иҟоу апрогресс иазааҭгылеит. Апарламент ахантәаҩы ари ахырхарҭала иҟоу апланқәа дрылацәажәеит. Ацҳаражәҳәаҩ иаҵшьны иазгәалҭеит Швециа Қырҭтәыла ишадгыло Евроеидгыла алалара апроцесс аҿы. Шьалуа Папуашвили ацҳаражәҳәаҩ ҿыц лусураҿы ақәҿиарақәа лзеиҕьеишьеит. АПОЛИТИКА Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили 3 Еиҧшу Шьалуа Папуашвили – Сара аглобалтә коррупциа азҵаарақәа рзы Америка Аҳәынҭқарратә департамент акоординатор Ричард Непиу иҟны аиҧылара бзиа мҩаҧызгеит, иара Қырҭтәыла апрогресс ибзианы дахцәажәеит Шьалуа Папуашвили – Илиа II ақырҭуа доуҳатәреи амилаҭтә хдырреи арҕәҕәараҿы хәы змам алагала ҟаиҵеит Шьалуа Папуашвили – Ахадаратә ҵакы змоу 2 шьаҿак рҟынтә ак ҟаҵоуп, акандидат астатус ҳаухьеит, ҳара активла аусура наҳагӡоит ҳтәыла Евроеидгыла алахәылас иҟаларцаз Шьалуа Папуашвили – Евроеидгыла иалоу еиуеиҧшым атәылақәа рыбжьара уажәазы имҩаҧысуа адискуссиа Қырҭтәыла иаҧырхагахом, Қырҭтәыла ауааҧсыра аӡбара иаша иазыҧшуп Шьалуа Папуашвили – Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара астратегиатә партниорра ҳахәаҧшуеит командак аусура аҳасабала Шьалуа Папуашвили аофициалтә визитла Бақәаҟа ддәықәлеит Шьалуа Папуашвили – Импыҵахалоу Гал ампыҵахаалара агәымбылџьбара аазырҧшуа ихьанҭаӡоу даҽа фактк ҟалеит Шьалуа Папуашвили – Европатәи ахеилак Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи ирыдҳәаланы Еврокомиссиа иҟанаҵаз абжьагара иазҧхьагәанаҭап ҳәа ҳгәыҕуеит Шьалуа Папуашвили – Вашингтон имҩаҧысуа асаммит аан Қырҭтәыла адгылара ҕәҕәа азаарҧшызароуп, Қырҭтәыла, апараметрқәа зегьы рыла алахәызааразы ихиоуп, НАТО аполитикатә аӡбара аднакылароуп Шьалуа Папуашвили – НАТО Евроеидгыла азнеишьа рхы иадырхәароуп, акритериқәа ҳарҳәароуп, уи аҵакы ду амоуп, избанзар, апрогресс аныҟалалак, дара аӡбара шрыдыркыло аадыруазароуп Амш зеиҧшрахо 3° Ах Қaрҭ аҧшь 2° ахә 4° Авалиута акурс $ USD 2.6467 0.002 € EUR 2.8600 0.010 ₽ RUB 0.028614 0.001 £ GBP 3.3378 0.002 TOP 5 Қырҭтәыла аҧыза-министр иаҳасаб ала Иракли Кобахиӡе Бриуссельҟа раҧхьатәи ивизит иалагеит Иракли Кобахиӡе ихы аларихәоит Бриуссель иахьа имҩаԥысуа Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рассоциира ахеиалк аабатәи еилатәара Жозеп Боррель Иракли Кобахиӡе иахь - Ҳаҭыр зқәу аԥыза-министр, Бриуссель шәҭаара Қырҭтәыла европатәи амҩа хәмаррада ишалнахыз иаҳнарбоит Бриуссель имҩаԥысуеит Қырҭтәыла-Евроеидгыла ассоциациатә хеилак аилатәара Вахтанг Махароблишвили - Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рассоциира ахеиалк амш аусхәаԥштә иалоуп Евроеидгыла алалара амҩа
https://1tv.ge/lang/ab/news/sh%D1%8Calwa-papwashvili-shvetcia-atcharazhhaui-tchvmtc-dmlphmleit/
2024-02-21T01:29:59Z
<urn:uuid:b739d2df-cd2f-44e2-a607-92389d73cd09>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.62
0.99
37
5,237
tlsh:T1173008B16B08EB0BD9B3C469DB908A367DD13916875272A0CDD5F870170A188EFFCC1369F9E8095E70DB1511E122BB112A4DFCE769BEBBE7605501A91E3F38DE339836899D
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион Администрациа ахада ин.н. Станислав Амыҷба Очамчыра араион актив дыдирдырит. Аҳәынҭқарра Ахада араион ҧасатәи анапхгаҩцәеи администрациа аусзуҩцәеи ихы рықәкны иҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаҧгоу аусуразы. «Сара издыруеит араион аҟны аҭагылазаашьа шымариам. Убас шакәугьы, шәара ишәылшоз ҟашәҵон. Ҳгәы иаанагоит аҭагылазаашьа есааира аиҕьхара иалагоит ҳәа. Станислав Илиа-иҧа араион аҟны ибзианы дырдыруеит, политикатә дунеихәаҧшрас ишәымазаалак, зегьы шәыжәҩа еибыҭаны араион аизҳазыҕьара аус шәҽалашәырхәроуп», - иҳәеит А. Бжьаниа. Араион ахада ин.н. ихы иқәкны иҳәеит акадрқәа ралкаараҟны аҧышәеи апрофессионалтә ҟазшьақәеи дрықәныҟәаларц. Станислав Амыҷба ирҭаз агәрагаразы иҭабуп ҳәаны, агәра диргеит иҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәа шынагӡахо.
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/12190/?print=Y
2024-02-22T14:52:19Z
<urn:uuid:cf56543e-8a2c-4da1-aa42-3d9ef85bf02f>
[]
[]
abk-Cyrl
0.99
1
1
5
1,473
tlsh:T10EBCC8312700CE47C1B3C459DBD141325CD0244316A1F6B0CEC9B5E627470E9EBFCD13ABBAE8149A74DB2560D2A6AF10B609EDE129BDAFC3748305656C3F68DE2B8539C2AF
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзаанаҭтә ныҳәа. Арҵаҩы имш - зеиӷьыҟам мшуп арҵаҩцәа рџьабаа агәаларшәаразы. Шәзанааҭ аҵакы, шәхы-шәыҧсы шәамеигӡакәа имҩкҧыжәго шәусура ахә ашьара уадаҩуп. Шәара шәҵаҩцәа ирышәҭо адыррақәа рнаҩс, иреиҳау аҩаӡарахь амҩа ианышәҵоит. Шәара ишәыбзоураны аӡәырҩы аҧсҭазаараҿы рхатә ҭыҧ алырхуеит, ихьӡырҳәаганы иҟалоит иҟалоит дасу иалырхуа рзанааҭқәа рыҟны. Шәара аҿар реиҵааӡараҿы, адыррақәа рыҭараҿы, абиҧара ҿыцқәа рышьақәнылараҿы, Аҧсны аҧеиҧш бзиа ачаҧараҟны ишәылшо рацәоуп. Арҵаҩцәа зегьы иҭабуп идуӡӡаны ҳәа шәасҳәоит шәџьабаазы, иаашәырҧшуа агәацҧыҳәаразы, ачҳаразы, шәусура ҭакҧхықәрала, ламысцқьала шәахьазнеиуазы. Ишәзеиӷьасшӷоит агәабзиара, агәамч, анасыҧ, ачҳара, шәнапы злаку аус ҧшьаҿы аихьӡарақәа. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16011/
2024-02-29T07:25:16Z
<urn:uuid:fa228325-573d-407e-b36c-e5e0b0637216>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.83
0.82
0.95
11
2,231
tlsh:T100E4C4417C44D7CBCAB3C099D6818E3568D0684646663AA0CFCDF4B21255094FAFCC13EAEBE5154AB4E71425C0B27B20B91DEDEE687CE6C3B0524162A83FF8CC23A635D56E
Авизит иалагӡаны иазгәаҭоуп ареспублика Ахада Рашид Темрезов, аиҳабыра алахәылаҩцәа, Ҟарачы-Черқьестәи Апарламент адепутатцәа, Аҧсны жәлар 1992 -1993 шш. Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, зхатәгәаҧхарала Аҧсныҟа иааны иеибашьыз иҭахаз аибашьцәа рҭынхацәа, ауаажәларра рҧылара 25.04.2015 Рауль Ҳаџьымба Гарри Бигәаа ииубилеи идиныҳәалеит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аветерантә еиҿкаара «Абааш» ахантәаҩы Леон иорден занашьоу Гарри Бигәаа диҧылеит 24.04.2015 Аусҧҟақәа 24.04.2015 Рауль Ҳаџьымба Аҧсны иқәынхо аерманқәа рышҟа иҟаиҵаз ааҧхьара Абарҭ агәалашәаратә алахьеиқәҵаратә амшқәа рзы Аҧсны иқәынхо ааӡаб ду зхызгаз аерман жәлар шәышҟа схы нарханы исҳәарц сҭахуп, адунеи зегьы зырхыџхыџыз ахҭыс хлымӡаахқәа ирылаӡыз аерман жәлар рыхьӡала шәхьааи шәгәырҩеи шшәыцеиҩаҳшо 24.04.2015 Аетнографиатә ансамбль «Ерцахә» аиубилеитә ныҳәа аҭаара Рауль Ҳаџьыимба даҭааит сынтәа аетнографиатә ансамбль «Ерцахә» ҩынҩажәа шықәса ахыҵра иазкыз аиубилеитә ныҳәа 23.04.2015 Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аобиектқәа рыҧхасҭатәра афактқәа ахьырацәахаз инадҳәаланы, Ахада агәҭынчымра инаҭоит Хара имгакәа арҭ азҵаарақәа ирыхәаҧшуеи Ахада имҩаҧигараны иҟоу ҷыдалатәи аилацәажәараҟны 20.04.2015 Рауль Ҳаџьымба даҧылеит Ареспублика Науру аофициалтә делегациа Аделегациа иалахәуп ахада ихаҭыҧуаҩ, Ареспублика Науру афинансқәа рминистр Адеанг Давид Уаиау, афинансқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Хант Мартин Ханси-Саиа, Апарламент аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Акуа Ренин Рендольфи Апарламент адепутат Бурамен Сирили 20.04.2015 Мшаҧы 24 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит ирҿыцу ахкы аусура иалагоит. Мшаҧы 24 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит ирҿыцу ахкы аусура иалагоит. Уи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Аҧсны Ахада Иусбарҭеи русура зныҧшуа ихадоу официалтә хархәаганы иҟалоит. 17.04.2015 Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит Москватәи авизит аҳәаа иҭагӡаны Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изкыз алекциа даҧхьеит 17.04.2015 Ихыркәшоуп Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит Мшаҧы 17 рзы ихыркәшан Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит. Москватәи авизит аҳәаа иҭагӡаны Раули Ҳаџьымба Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изкыз алекциа даҧхьеит, имҩаҧигеит иналукааша урыстәылатәи АИХ рредакторцәаеи Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәеи рҧылара. Ашьыжь аҳәынҭқарра ахада Аҟәаҟа дыҧрит. Ара иҽаилаирхәраны дыҟоуп аҧсуа-аурыс аиҳабырабжьаратә комиссиа реилатәара. 16.04.2015 Афорум азал маҷ аҟны имҩаҧысит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Москва инхо аҧсуа уаажәларреи астудентцәеи рыҧылара Аиҧылара иалахәын Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба, Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, москватәи аҧсуа диаспора ахада Беслан Агрба. 16.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә хеилак Амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба диҧылеит урыстәылатәи иколлега Николаи Патрушев. Аиҧылараҿы ирылацәажәан Аҧсни Урыстәылеи ртәылахьчареи ршәарҭадареи рзеиҧш цәаҳәа. Николаи Патрушев ҩ-ҳәынҭқаррак ршәарҭадаразы агәҽанҵара иазку аусхкқәа разырхиареи рынагӡареи ирызку аусбарҭабжьаратә усеицура алҵшәақәа бзиоуп ҳәа ахә ишьеит. 10.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Москваҟа ивизит. Авизит аҳәаа иҭагӡаны Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изку алекциа даҧхьараны дыҟоуп 09.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба диҧылеит урыстәылатәи арежиссиор Алеқсандр Сокуров Алеқсандр Сокуров Аҧсны Ахада изеиҭаиҳәеит Аҧсынтәыла иаҭаара иадҳәалаз игәаанагара атәы. 24.03.2015 Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Адыгатәылантәи зхатәгәаҧхарала еибашьра иааз хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы иҭаацәа Галинеи Валерии Диколенко дырҧылеит Рауль Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы иҭаацәа атәанчахәы рзаужьразы 21.03.2015 Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Дмитри Медведев Рауль Ҳаџьымба Имшира идиныҳәалеит. Алада иаагоуп адныҳәаларатә цҳамҭа атекст хаҭәааны. 15.03.2015 Ахада Апарламент аҧхьа иеизаз ауаа рышҟа ддәылҵит Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵура иамхразы азҵаара ықәзыргылаз Апарламент аҧхьа иеизаз ауаа рышҟа ддәылҵит. 13.03.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит иааираны иҟоу акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазку аусуратә еилацәажәара. Аилацәажәара аартуа, Рауль Ҳаџьымба дазааҭгылеит атәыла аекономикаҿы атуристтә ҟәша иамоу аҵакы ду. «Ҳара лассы-лассы атуристтә ҟәша ҳекономика ҧхьаҟа аҿиара алзыршо ак акәны ишахәаҧштәу ҳҳәоит, аха уи ибзианы аус аурц азы иҟаҵатәу рацәоуп», - иҳәеит Ахада. 13.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала иаҧҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра акурортқәеи атуризми рзы аминистрра аекономика аминситрра аиҭеиҿкаарала Аминистр ҿыц иныҟәгаразы аныхтәқәа финансла реиқәыршәара алыршахоит 2015 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет азы азакәан аҟны аекономика аминистрра аныҟәгаразы иазгәаҭоу ахархәагақәа рыла. 12.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион актив иаҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа. Хәажәкыра 12, 2015 шықәса, Гал. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион актив даҧылеит. Аиҧылара иалахәын иара убас Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, гал араион аҟнытә Жәлар Реизара адепутатцәа Бежан Убириеи Ахра Кәакәасқьыри, Араионтә Еизара ахантәаҩы Иури Кәакәасқьыр, гал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Темур Надараиа, араион ауаажәларра.
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/6440?print=Y&PAGEN_1=147
2024-02-29T09:37:53Z
<urn:uuid:0c623edb-d75e-4738-8b92-41799117c39d>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.77
1
52
9,736
tlsh:T174C517125840CF4BC5F7C4699F915A315DD15C578262B661CEC9F0E00742089EEFCD13A9BAE40A8BA4EB2511E162BF056A0AFCE6257EBED7311200B53E3F38E9378476C59E
Ԥхынгәы амзазы «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» раԥхьатәи апроект «Ани амаалықьи» хәышықәса ахыҵит. Ари апроект хықәкыс иамоуп ан лыхшара иааӡараҿы ацхыраара лызҭо амаҭәарқәа рыла леиқәыршәара. Ас еиԥш агәырӷьара ахьыҟалаз, асаби дахьиз аҭаацәара, афонд аҟынтәи ироуеит апроект «Ани амаалықьи» аҳамҭа. Апроект «Ани амаалықьи» асаби - Гостиев Лаван ианашьан ԥшьнызқьтәи аҳамҭа. Лаван ҳусбарҭа даҭааит иан Вероника длыцны. Урҭ ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, анасыԥ лаша, аманшәалара. Зынӡа, хәышықәса ирылагӡаны амаалықьцәа ирызшан ахамҭақәа 4-нызқь. Урҭ рахь 3295- ҩык – аԥсуаа, 705-ҩык – егьырҭ амилаҭқәа. Аԥсны амаалықьцыԥхьаӡа риира агәаҳәара ҳазцәырнагоит, ҳара иаҳҭахуп ҳтәылаҟны амаалықьцәа рхыԥхьаӡара еизҳаларц. Ахәыҷқәа зегьы агәабзиара рыцны, ҳаҭыр зқәу уааны ирызҳалааит.
http://fondapsny.org/ab/ani-amaalyki-shnyzkti-akhamta-ianashan-gostiev-lavan
2024-02-21T12:17:21Z
<urn:uuid:ba8e52af-081a-437c-b624-a7d57281cdaa>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.98
4
1,424
tlsh:T10651CE215F80DF4BE973D9569FD2883618D0590382B263118EDBF4B6514A555BFBCD1298BFFD0A1B24AF1122E122BD15564AECD92C3D6BE732D340E02C2F35DD17947688AF
Европейский Союз в действии: работая на благо более безопасной Европы и более стабильного мира (субтитры на абхазском) Один день из жизни наблюдателя (субтитры на абхазском языке) Аимадара Аус ҳуеит ашәарҭадареи, агәрагареи аиҭашьақәыргыларазы Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшратә миссиа ҳауп. 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала аибашьра аҟәыҵра иазкны аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь ҳара ҳмиссиа арахь&nbsp;иаашьҭын. Аҧыҧшра 24/7 Амиссиа ахатәы аусура 2008 шықәса цәыббра мза ианалага инаркны, ҳара инаҳагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара, Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧсни административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ираҳҭоит, Европатәи аполитика иазааигәоу аилазаашьақәа Қырҭтәылеи, арегиони рҿы рхатәы политика ашьақәыргылараҿы ацхыраара раҳҭоит. Аибашьратә хҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара Ҳара ҳприоритетқәа аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара аҭареи, Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа азааигәара инхо ауаа ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи, еиҿагылоу аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылареи, Қырҭтәылеи, арегиони ирызкны Европатә аполитикатә ҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Аганқәа рыбжьара адырраҭара аиҭныҧсахлара Аидыслара ма ашәарҭадара иазку, ма егьырҭ азҵаарақәа цәырҵыр, ҳара аҭагылазаашьа аилкааразыи, аибарххара ма аиҿыхара аҽацәыхьчарази ацхыраара раҳҭоит аганқәа адырраҭара аиҭныҧсахлараҿы. English / ქართული / Русский / Ирон / Аҧсуа / հայերեն / Azərbaycan / Ихадоу Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом. Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом.
https://eumm.eu/ab/new_media_gallery/sek_aidhhw3omyhpe
2024-02-26T08:52:11Z
<urn:uuid:19964a46-0e27-4cab-8877-2bf853260f50>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.85
0.99
27
6,705
tlsh:T1B51D2AD14544CB4BC173D4A9CA818F386CE26D578212B270CD8EF5B21685059EFFCC139ABAE8015B70EB1911D121BF10690AECDA687DBBE7B04240B65E3E7CDD276576C5AE
ҧсҭазаараҿы дцәырҵит ҳҭоурых аҿы реиҳа ихьанҭаз аамҭақәа раан. Иара атәыла ахадас дҟалеит, политикала мацара акәымкәа, доуҳалагьы ижәлар аҧызара рызуа. Аҧсны азинқәа рыхьчареи уи ахақәиҭразы ақәҧареи – иҧсҭазаара зегь зқәиҵаз уалҧшьас дазнеит. Владислав Арӡынба. Астудентра ашықәсқәа © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынба, 80-тәи ашықәсқәа © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Аполитикахь Арӡынба дааит аҭҵаарадырра ашҭа дҭыҵны. Мрагылараҭҵаара знапы алакыз, адунеи зыхьӡ адырхьаз аҵарауаҩ инапы алакын ажәытәӡан Азиа Маҷ иқәынхоз ажәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, рхаҵарақәеи рыҭҵаара. Хаҭалагьы, уи иҭиҵаауан ажәытәтәи ахаттцәеи ахеттцәеи. Ахаттцәа, иара излаиҧхьаӡоз ала, аҧсуа-адыга жәларқәа иргәыцхәызар ауеит. Москва исхызгаз сымшқәа зегьы Ажәытәтәи Мрагылара аҟәша иадҳәалан. Уаҟа аусура салагеит с-аспирант қәыҧшны, Мрагылараҭҵаара Аинститут ааныжьны санцоз – Ажәытәтәи Мрагылара аидеологиеи акультуреи рсектор аиҳабыс, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдокторс сҟалахьан. Владислав Арӡынба игәалашәарақәа рҟынтә Владислав Арӡынба истудентра шықәсқәа раан © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынба акандидаттә диссертациа ихьчеит 1971 шықәсазы, адоктортә – 1985 шықәсазы. Мрагылараҭҵаара Аинститут аҿы Ажәытәтәи Мрагылара аидеологиеи акультуреи рсектор напхгара азиуан, 40 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа дравторуп. Владислав Арӡынба аҭҵаарадырратә маҵураныҟәараан Берлин, 1986 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Ҭырқәтәыла, 1969 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Ешыра, 1975 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынба аҭҵаарадырратә маҵураныҟәараан Берлин, 1986 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислава Арӡынба изааигәаз ауаа лассы-лассы иазгәарҭалон, иара аполитикахь иааира хатәгәаҧхарала ишыҟамлаз. Анаҩс иаргьы ииҳәалон аинститут аҿы иусура шыгәхьааигоз, аҭҵаарадырра азыхынҳәра дшазгәышьуаз атәы. Аха ианаҭахха аамҭазы Владислав иоуп аҧсуаа рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара аҧхьагылара аҭаны, шәышықәсалатәи ҳажәлар ргәаҳәа –ахақәиҭреи ахьыҧшымреи риоура – наӡартә иҟазҵаз. Аполиткцәа ирылаҽуа реиҳа ишәарҭоу чмазароуп – амчра рнапаҿы аагара дара рхатә хықәкқәа рынагӡаразы. Владислав Арӡынба 1988 шықәсазы Владислав Арӡынба идыргалеит Аҧсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут дахагыларц. Иара иҧсадгьыл ахь дхынҳәуеит 22 шықәса раахыс Москва инхара ашьҭахь, аҧсуаа рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара агәы ахьеисуаз аинститутгьы дахагылоит. Аибашьра ҟалаанӡатәи аамҭазы, Владислав Арӡынба ида, сара издыруаз аҧсуа политикцәа рыбжьара аӡәгьы дазыхиамызт амилаҭ рлахьынҵазы аҭакҧхықәра нагӡа агара. Амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара аидеологс аҟазаара – акоуп, аха уи ақәҧараҿы аҧхьагылара зегьы ирылшом. Геннадий Аламия Ауаажәларратә усзуҩы, апоет Left Right Владислав Арӡынбеи Аҧсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа Иура Аргәыни, Сергеи Шамбеи, Иури Воронови, Игор Ҵнариеи © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынбеи уи иколлегацәа археологцәеи © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Аҧсуаҭҵааратә институт ахыбра 1992-1993 шықәсақәа рзтәи Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ҟалаанӡа © Георгиос Григориадис Владислав Арӡынба Женева, 1997 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Аполитикатә напхгаҩы зегь ирыцку иҟазшьа – ажәлар ргәы ашьҭыхра алшароуп. Ҳара ҳхада уи илшеит, избанзар ус еиҧш аҟыбаҩ иман. Фазиль Искандер 1988 шықәсазы Владислав Арӡынба далырхуеит Аҧснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс. Убраҟа иалагоит заҧхьаҟа ихьыҧшым аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭакҩыс иҟалаша ауаҩы иполитикатә мҩа. 1989 шықәсазы ҳтәылаҿы аҧсуааи ақырҭқәеи ретнополитикатә еиҿагылара акырӡа иӷәӷәахеит. Аҧсуа жәлра даҽа аамҭанык еиҧшымкәа аинформациатә, аполитикатә цхыраара рҭахын, избан акәзар Қырҭтәыла анапхгара ирылшоз зегь ҟарҵон аҧсуааи ақырҭқәеи ҭоурыхла, зинеилагарала иаауа реиҿагылара амзызқәаҵәҟьа рҵәахырц. Абарҭ ахҭысқәа анымҩаҧысуаз аамҭазы Арӡынба далырхуеит СССР Жәлар рдепутатс, иара убас СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатсгьы. Хара имгакәа дҟалоит СССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум алахәылас, анаҩс автономтә еиҿкаарақәа рҳәынҭқарратә, рзинтә статус азы акомиссиа маҷ ахантәаҩыс. СССР Жәлар рдепутат Владислава Арӡынба иқәгылара СССР Иреиҳаӡоу Асовет асессиаҟны, Москва, ҧхынгәы 1989 шықәса © АГРТК 1990 шықәсазы Арӡынба далырхуеит Аҧснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс. Атәыла ахада ҿыц аханатә илихит амҩа – Аҧсны жәлар, егьырҭ ажәларқәа реиҧш, иузаҟәымҭхо ирымаз ахҳәаақәҵаразы азин аус ауртә иҟазҵашаз. Нанҳәа 25, 1990 шықәсазы Иреиҳаӡоу Асовет асессиаҟны ирыдыркылеит адекларациа, Аҧсны ихьыҧшыму ҳәынҭқарроуп ҳәа зҳәоз. Аха Қарҭ уи ҵабыргым, азинтә мчы амам ҳәа рыланаҳәеит. Left Right Владислав Арӡынба, Москва, Асасааирҭа «Россиа» © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынбеи уи ицнагаҩцәа Сергеи Шамбеи Виачеслав Цыгәбеи, 1989 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынбеи СССР Иреиҳаӡоу Асовет Жәлар рдепутат Алықьса Гогәуеи, Москва, Асасааирҭа «Россиа», 1989 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынбеи РСФСР аҩадатәи арегионқәа рҟынтә иаашьҭыз Жәлар рдепутатцәеи, СССР Иреиҳаӡоу Асовет, 1989 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Кавказ аибашьра аныҟала – иаабац еибашьрак аиҳа еицәоуп. Уи шәышықәсалатәи аҭоурых аҵәаӷәа ахьшьроуп иаанаго. Владислав Арӡынба Нанҳәамза 14 ашырҧазы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Егры аӡиас ала аҧсуа-ақырҭуа ҳәаа иахысны ҳтәыла иалалеит Аҟәеи Гали еимаздо амҩаду ианыланы. Аҳҭнықалақь аҭынч уааҧсыра аибашьра ишалагаз анеилыркаа ақырҭқәа равиациа ракетала – аҧсшьаҩцәа рыла иҭәыз амшын аҟәареи ақалақьи иалахсуа ианалагоуп. Иара убри амш азы, нанаҳәа 14, Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара мҩаҧысраны иҟан, Аҧсныи Қырҭтәылеи рыбжьара афедеративтә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара алацәажәара азҧхьагәаҭан. Аха ақырҭқәа адипломатиа аҵкыс еиӷьыршьеит атанкқәа. Владислав Арӡынба телехәаҧшрала иуаажәлар рахь ааҧхьара ҟаиҵеит, рыҧсадгьыл ахьчаразы игыларц. Нанҳәамза 18 рзы Арӡынба дахагылоит иаарццакны иаҧҵаз Аҳәынҭқарра ахьчаратә комитет. Иара хаҭала напхгара аиҭон 18-40 шықәса ирыбжьагылаз Аҧсны ауааҧсыра рмобилизациа. Владислав Арӡынба аибашьра актәи амш азы Аҧсуа телехәаҧшрала итәылахь иҟаиҵаз ааҧхьара, нанаҳәа 14, 1992 шықәса © АГРТК Аганқәа аҩбагьы рырхәҭақәа Аҟәа иалыргоит ҳәа иҟаз аиқәшаҳаҭрақәа еилаганы (ақырҭқәа Баӷмаран ақыҭахь ихьаҵуан, аҧсуаа – Гәымсҭа аӡиас аҟынӡа), нанҳәа 18 рзы ақырҭқәа ҧырхагада Аҟәа иалалан, ақалақь ааныркылеит. Арҳәра-аӷьычрақәа ирылагеит, милаҭеилыхла ауаа дырӡуан, еиҳараҩӡак – аҧсуаа. Аҧсны анапхгара аибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны Аҟәантә Гәдоуҭаҟа ииасит, аибашьра ааилгаанӡагьы уантә акәын аус шыруаз. Аҧсуаа зқәиҭыз Гәымсҭеи Бзыҧҭеи рыбжьара ишьҭаз Аԥсны аҵакырадгьыл акәын. Тҟәарчал аблокада иҭакын, иара убас иаркын Очамчыра араион ахь иаҵанакуа аҧсуа қыҭақәак. Егьи иаанхаз Аҧсны аҵакырадгьыл зегьы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҵаҟа иҟан. Аибашьра актәи амш. Ацҳа ҟаҧшь © АГРТК Аҧсуаа ҭоурыхла изқәыз рыҧсадгьыл ахьчараҿы ацхыраара ду ҟарҵеит Аҩада Кавказ, Алада Урыстәылантә аешьаратә ажәларқәа, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа уҳәа хатәгәаҧхарала иааны иҳавагылаз. Ҳар реизырҳара адагьы, ари адгылара хыҧхьаӡарала иаҳиааиуаз аӷа иҿаҧхьа ҳажәлар ргәашьҭыхраҿы иабзоурахаз рацәоуп. Ҳазҭагылаз арыцҳара ахьынӡадууз еилаҳкаарц азы, аамҭа хьанҭа аныҟала ара шаҟа ҳарҭахыз ҳдырырц азы, Владислав Арӡынбеи ҳареи зныктәи ҳаиҧылара азхеит. Уи илакҭа ианаҳбаалеит зегьы: иҭахаз шихьаауаз, еибашьуа рзы агәҭынчымра шимаз, аха зегь акоуп аҵыхәтәанӡа дышхьамҵуа азы агәаӷьрагьы… Аибашьра аанҵәаанӡа иара дҳацын. Жәыларацыҧхьаӡа иаҳныруан уи. Муҳаммед Кьылба Аҧсны Афырхаҵа Left Right Аҧсны Афырхаҵа (данҭаха ихырҵеит) Гена Карданови Аҩада Кавказынтә хатәгәаҧхарала еибашьра иааз арҧарацәа ргәыҧи, Гәымсҭатәи афронт © www.apsuara.ru Баграмиан ихьӡ зху аерман баталион, 1992 шықәса © Андреи Соловиов Арратә корреспондент Анна Броидо хатәгәаҧхарала еибашьра иааз дрыцны, Гәдоуҭа, Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа аштаб © Анна Броидо лархив аҟнытә Султан Сосналиеви Владислав Арӡынбеи, Гәдоуҭа, 1993 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Гәымсҭатәи афронт. Аҩада Кавказынтә хатәгәаҧхарала еибашьра иааз © ИТАР ТАСС Владислава Арӡынба хатәгәаҧхарала еибашьра иааз рахь иҟаиҵаз ааҧхьара, урҭ ралгара амш аҽны, Гәдоуҭа, 1993 шықәса © АГТРК Аҧсуаа Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭатә цәаҳәа аргылара иалагеит, Мраҭашәаратәи афронт. Аҧсны Мрагыларатәи ахәҭахьы хаз-хазы еибашьуаз аҧсуа партизантә гәыҧқәа рҽеидыркыло иалагеит, ус хәыҷы-хәыҷла ишьақәгылеит Мрагыларатәи афронтгьы. Убри аамҭазы, Москва, цәыббрамза 3, 1992 шықәсазы, «Президент Отель» ҳәа хьӡыс измаз асасааирҭаҿы имҩаҧысит Кавказтәи арегион ареспубликақәа рхадацәа реиҧылара, официалла ус акәын хьӡыс иамаз. Егьыс, уи аиҧылара – агладиаторцәа реидыслара ҳәа азырҳәеит. Урыстәылеи, Аҧсныи, Қырҭтәылеи рхадацәеи, иара убас Аҩада Кавказ ареспубликақәеи Алада Урыстәыла аобластқәа рнапхгаҩцәеи злахәыз аиҧылара амшхәаҧштә азҵаарас иқәгылан Аҧсны имҩаҧысуаз аибашьра аанкылара. Аха Аҧснытәи аделегациа даара иақәыӷәӷәон егьырҭ аиҧылара алахәцәа, урҭ ирӡаӡомызт қырҭтәылатәи аган иааныркыло апозициа ишадгылоу, иацхраарцгьы шырҭаху. Урыстәылеи, Аҧсныи, Қырҭтәылеи рхадацәа апресса рахь рцәырҵра, Кавказтәи арегион ареспубликақәа рхадацәа реиҧылара ашьҭахь, Москва, «Президент Отель», цәыббра 3, 1992 шықәса © АГРТК Анцәа иҿаҧхьа исҳәоит, абра аиашамра шыҟоу. Владислав Арӡынба Кавказтәи арегион ареспубликақәа рхадацәа Москватәи реиҧылара астенограмма аҟынтә Бџьаршьҭыхла изқәылаз атәыла ахада иидырҟаҵар рҭахын ухаҿы иузаамго – хатәгәаҧхарала ҳахьчаразы иааз ирықәыӡбо ашәҟәы анапаҵаҩра. Зехьынџьарантә иҟаз ақәыӷәӷәара шыхьанҭаӡазгьы, Арӡынба илшеит аԥсуа жәлар ирыдгылаз аҵеицәа рыпату лазырҟәыр зҭахыз аҿагылара рыҭара. Москватәи аиҧылараҿы напы зҵаҩыз ашәҟәы ҳадгьыл аҿы аҭынчра аанамгеит, избан акәзар ақырҭқәа ралҵра атәы аҳәаӡомызт, аҧсуа ган уи шхымҧадатәиу шазгәарҭозгьы. Аиҿагылара иацҵан. Ара, Аҧсны аибашьцәа зегь хаҭала иудыруеит, иудыруеит урҭ рыхьӡқәа, рхы-рҿқәа, иудыруеит урҭ ранацәагьы! Зҧа дҭахаз ан ллакҭа уҭаҧшыроуп. Ари хлымӡаахроуп. Иуаӷоугьы иузиаҭәашьом. Владислав Арӡынба Аҧсны аибашьра цон инымҵәаӡо 413 мшы. 1993 шықәса цәыббрамза 30 рзы ахақәиҭреи ахьыҧшымреи ҳзаазгаз Аиааира мшы гылаанӡа, Аҧсны жәлар акыр арыцҳара дуқәа рхыргеит. «Аҧсра ҳазцон – аҧсҭазааразы» иҳәоит нас Владислав. Иҭахаз аҵеицәа ранацәа © Андреи Соловиов Ажәыларатә цәаҳәа, Гәымсҭатәи афронт © apsnyteka.ru Ажәыларатә цәаҳәа, Гәымсҭатәи афронт © apsnyteka.ru Аблокада иҭакыз ақалақь Тҟәарчал © Ибрагим Ҷкадуа Ажәыларатә цәаҳәа, Гәымсҭатәи афронт, аӡын, 1993 шықәса © apsnyteka.ru Леон иорден занашьоу Алик Лазба © apsnyteka.ru Владислав Арӡынба иҭхаз аибашьҩы инышәаҭараҿы, Гәдоуҭа, ҧхынҷкәын, 1992 шықәса © АГРТК Владислав Арӡынба инапынҵа зну Аҧсны ахсаала дадгыланы © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Ҳарҭ аибашьра ҳадырҳәалеит. Ҳрымпыҵархаларц, ҳақәырхырц рыӡбеит. Аха ҳара ҳажәлар аиашара иазықәҧон, иагьааит, зегьы ирыцку – Аҧсадгьыл ҳамызхырц зҭахыз, ҳҳәынҭқарра ашьҭамҭа ыҟамкәа ианырхырц иашьҭаз рҿаҧхьа. Иҧшьоу ари ахеиқәырхаратә еибашьраҿы рыжәҩахыр ҳадыркылеит Аҩада Кавказ, Алада Урыстәыла иқәынхо ҳаешьаратә жәларқәа, убасгьы аиашара ҳацрыхьчаразы иааз аламыс уаа зегьы. Владислав Арӡынба Аҧсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа (данҭаха ихырҵеит) © apsnyteka.ru Владислав Арӡынба Гәымсҭатәи афронт аибашьцәа дрыдгыланы © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Аиааира мышқәак шагу, Маҷара ақыҭа азааигәара, цәыббрамза, 1993 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Аиааира мышқәак шагу, цәыббрамза 1993 шықәса © apsuara.ru Аҧсуа ар аибашьцәа Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы, цәыббрамза 1993 шықәса © apsnyteka.org Гагра ахақәиҭтәра © news.milli.az Аҧсуа ар аибашьцәа Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы, цәыббрамза 1993 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынба Ахьӡ-аҧша абаҳчаҿы © АГРТК Аибашьра анеилга ашьҭахь Арӡынба иҳәоит: «Зегь реиҳа ихлымӡааху ҳашьҭахьҟа инхеит, зегь реиҳа иуадаҩу – ҳаҧхьаҟа ишьҭоуп». Аҭынч ҧсҭазаара аргылара иазкын арҭ иажәақәа, ҳажәлар зегь, ҳҧызагьы аҧхьа днаргыланы, рымч-рылша зегь зҭаххаз, имариамыз аргылара, аиҭашьақәыргылара аус. 1994 шықәса, абҵарамза 26 рзы Владислав Арӡынба далырхит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахадас, 1999 шықәса, жьҭаарамза 3 рзы ажәлар зегьы еицҿакны аҩынтә раан ахадас иҟалара иақәшаҳаҭхеит. Аҧсны Раҧхьатәи Ахада имаҵурахьы инашьҭра ацеремониа (аинаугурациа), Аҟәа, абҵарамза 26, 1994 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынба аинтервиу аҭараан © АГРТК Арӡынба атәыла дахагыланаҵ Аҧсны имҩаҧган акрызҵазкуа аусқәа. Хаҭалагьы, 1925 шықәсазтәи Аҧсны Аконституциа аиҭашьақәыргылара, аҧсуа ар аҧҵара, Атәылахьҷара аминистрра, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Аҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ҳџьынџьуаа рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы уҳәа раҧҵара, иара убас аҧсуа ҭыҧхьыӡқәа рыргьежьра. Арӡынба атәыла ахада иаҳасабала дзыхьӡаз зегь реиҳа аҵакы змоу аусқәа иреиуоуп: ақырҭуа-аҧсуа еибашьра аполитикатә ҭышәныртәаларазы ашьаҿақәа ралхра иазку ааҧхьара анапаҵаҩра; Аҧсныи Қырҭтәылеи рҳәааҿы (аиҿагылара ацәаҳәала) Урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчрақәа рыргылара; Аҧсныи егьырҭ аҳәаанырҵәтәи атәылақәа жәпаки рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭрақәа рыдкылара; урҭ атәылақәа рҿы Аҧсны ахаҭарнакрақәа раартра; Ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ҿыци, Агерби, абираҟи, агимни рыдкылара; аҧсуа бызшәа Аҧсны ҳәынҭқарратә бызшәаны азхаҵара; Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҧҵара. Left Right Станислав Лакобеи, Геннади Аламиеи, Владислав Арӡынбеи Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҿы, Аҟәа, 1994 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Асҭамыр Ҭаниеи Владислав Арӡынбеи. Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳәаақәа рышьақәыргылара. © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Сократ Џьынџьал, Валери Аршба, Виачеслав Цыгәба, Валери Харчлаа, Владислав Арӡынба, Вахтанг Харчлаа. Ҿыц иаҧҵоу Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рӡыргара, Тҟәарчал, 1999 шықәса. © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд 1999 шықәсазы Аҧсны имҩаҧысит ареферендум ауаажәлар атәылаҿы амчра змоу Аконституциа ишазыҟоу азы, иара убас «Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымразы» Акт адкыларазы. Ҳара ҳконституциа, иагәылоу аидеиақәа рыла, ирываҟәылоит Урыстәыла, Еиду Америкатә Штатқәа, Голландиа, Австриа уҳәа реиҧш иҟоу атәылақәа рконституциақәа. Уи иаанарҧшуа ахшыҩҵакқәа рықәныҟәоит Ауаҩ изинқәа зыхьчо Еицырзеиҧшу адекларациеи, убасгьы егьырҭ адунеиаҿ иазхарҵахьоу азинтә аспектқәа зегьы ирықәҿнаҭуеит. Владислав Арӡынба Ареферендум рхы аладырхәит 97 % ақырҭқәа, абжьыҭара азин змаз. Арӡынба еснагь иазгәеиҭон аҧсуаа иаҳҿагыланы имеибашьуаз ақырҭқәа ақәгәыӷыр шрылшо зинҿаҟәарада Аҧсны атәылауаҩра. Анаҩс уи азин рхы иадырхәеит 60 нызқьҩык ақырҭуаа, урҭ Аҧсныҟа ихынҳәит аибашьра анеилга ашьҭахь. Сара сгәанала, Аҧсны еснагь иҟан иагьыҟазаауеит милаҭрацәа зқәынхо тәыланы. Ихадоу, дарбанзаалак атәылауаҩ, милаҭс дызҵазкуазаалак, Аконституциа инаҭо азинқәа зегьы ихы иаирхәо дыҟазароуп. Владислав Арӡынба Владислав Арӡынба еснагь инаҵшьны иазгәеиҭон, Аҧсны адәныҟатәи аполитика ахашьа Урыстәыла иамариашазароуп ҳәа, Урыстәыла ҧсабарала Аҧсны адгылара анаҭоит ҳәа иҧхьаӡон. Лассы-лассы ус иҟалалоит, ҳаизыҟазаашьақәа рҟны ахьшәашәара, ма аҧхарра Урыстәылантә иасуа аҧшақәа ирыхҟьо. Сара сақәгәыӷуеит Урыстәылантә аҧша ҟәандақәа аслоит ҳәа, усҟан Аҧсны аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи ыҟазаауеит. Владислав Арӡынба Владислав Арӡынбеи аинрал Сергеи Коробкои, лаҵарамза 9, 1998 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынбеи Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Николаи Кондратенкои, Адыгатәыла ахада Аслан Џьаримови © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынбеи Константин Затулини © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Left Right 1997 шықәсазы Аҧсны делегациа ҳаракыла раҧхьаӡа акәны аҳәаанырцәҟа аҭаара ҟарҵеит Ҭырқәтәыла, уаҟа Владислав Арӡынба дырҧылеит хыҧхьаӡара рацәала аҧсуа диаспора рхаҭарнакцәа. Арӡынба атәыла ахадас дыҟанаҵ даара игәцараикуан аҧсуа хылҵшьҭрақәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рырхынҳәра апроцесс, урҭ арахь рхьарҧшра, 150 шықәса раахыс еиҟәыганы иҟоу жәларык рыбжьара аимадара арӷәӷәара. Владислав Арӡынба ҧсыуала дкәашоит, Сҭамҧыл, 1999 шықәса © АГРТК 2004 шықәсазы Владислав Арӡынба атәыла ахада имаҵура аанижьит ичымазара бааҧсы иахҟьаны. Гарибальди аиталиаа рҭоурых аҟнеиҧш, Уоллес – ашотландаа рҟнеиҧш, Владислав Арӡынба еснагь дыҟан, дыҟоуп, дагьыҟазаауеит аҧсуа жәлар дырфырхаҵа иашаны – дҧызаны, жәлар ирылиаауа, иҟалап, знык, аха зегь реиҳа ианаҭаху аҭоурых аамҭазы. Константин Затулин Константин Затулин Владислав Арӡынба инышәаҭара аҽны, Аҟәа, хәажәкыра 10, 2010 шықәса © АГРТК Иналукааша аҧсуа политик, аҳәынҭқарра аргылаҩ Владислав Арӡынба иҧсҭазаара далҵит 65 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 4, 2010 шықәсазы. Иара иҿаҭахьала, анышә дамардеит дахьииз Ешыра ақыҭан, аибашьраан Гәымсҭатәи афронт ацәаҳәа ахьыҟаз. Left Right Владислав Арӡынба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара, Москва. Иури Комаров иқәгылара, хәажәкыра, 2010 шықәса © АГТРК Владислав Арӡынба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара, Москва. Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу Мрагылараҭҵаара Аинститут адиректор ихаҭыԥуаҩ Сергеи Белогроницки иқәгылара, хәажәкыра 2010 шықәса © АГТРК Владислав Арӡынба иҧсадгьыл аҿы аҵыхәтәантәи имҩахь инскьагара. Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза Аҟәа, хәажәкыра, 2010 шықәса © АГТРК Владислав Арӡынба иҧсадгьыл аҿы аҵыхәтәантәи имҩахь инскьагара, Аҟәа, Арӡынба имҩа, хәажәкыра 10, 2010 шықәса
https://www.abaza.org/abk/vladislava-ardzynba-aibashrei-atynchrei
2024-02-22T10:42:59Z
<urn:uuid:abb36438-1284-4d4a-be3d-5c32c376ff0c>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.89
0.98
166
32,273
tlsh:T15871FFE28A408B4BC6B3C459CFA14E35ACD168574622B260CDC6F4B01696048EFFCC13A9F9D8055EB4EB0612E133BE146A4AECE618BEFFDB705240A66E2F78E9379471D59F
Иракли Кобахиӡе – Украина анапхгара ҧасатәи ма уажәтәи ачынуаа Мраҭашәара гәыбҕан аҭара рыхәҭам ҳәа сгәы иаанагоит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Кобахиӡе – Украина анапхгара ҧасатәи ма уажәтәи ачынуаа Мраҭашәара гәыбҕан аҭара ры... Иҵегь аҭагалара Иракли Кобахиӡе – Украина анапхгара ҧасатәи ма уажәтәи ачынуаа Мраҭашәара гәыбҕан аҭара рыхәҭам ҳәа сгәы иаанагоит 16:06, 29.11.2023 «Украина анапхгара ҧасатәи ма уажәтәи ачынуаа Мраҭашәара гәыбҕан аҭара рыхәҭам ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе. Кобахиӡе Украина ахада иадминистрациа ҧасатәи абжьагаҩ Алеқсеи Арестович иҟаиҵаз аҳәамҭа иазкны иазҵааит. Арестович иҳәеит: «Украина аполитикатә амҩаҿахҵәа иҭагылоуп, Урыстәыла аиааира агарц азыҳәан, Китаи аҳәатәы ханамҵарц азыҳәан Мраҭашәара хәҭак ҳадгьылқәеи ҳшьеи рыла ахәаахәҭра иазыхиоуп, ари аибашьраҿы ачарҳәара ҳзыруит». Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала, аҵыхәтәантәи аамҭазы Украина ҧасатәии уажәтәии ачынуаа Мраҭашәара иаҿагыланы аҳәамҭақәа рыҟаҵара иалагеит. «Украина анапхгара ҧасатәи ма уажәтәи ачынуаа Мраҭашәара гәыбҕан аҭара рыхәҭам ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳәарада, иарбанзаалак аиҳабыра, аӡбара анрыдыркыло, аҭакҧхықәра рхы иадырҵоит, ҷыдала, аибашьра аанкылара ма анагӡаразы аӡбара анрыдыркыло. Ҳара абри аполемика ҳҽалаагалом. Уи украинатәи ачынуааи Мраҭашәареи ирусуп», — иҳәеит Кобахиӡе. АПОЛИТИКА «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе 3 Еиҧшу Иракли Кобахиӡе - Ҳәарада, ҳара апарламенттә алхрақәа рҿы аиааира ҳгоит, апарламентаҿ аиҳара ҕәҕәа ҳамазаауеит Иракли Кобахиӡе – Европатәи ҳпартниорцәа рҟынтә иҳамоу аинформациа ала, ҳаҧхьаҟа ҧхынҷкәын азы, Еврокомиссиеи Европатәи ахеилаки Қырҭтәылазы аиҿцәажәарақәа раартра азҵаара иахәаҧшраны иҟоуп Иракли Кобахиӡе - Ҳара аҽырдадара ҳгәы иҭам, аҵыхәтәантәи ҳхықәкы – Евроеидгыла алалароуп, ари ахықәкы анагӡаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит Иракли Кобахиӡе – Ауаҩы аобиективтә критериқәа рыла аҭагылазаашьа дахәаҧшыр, акандидат астатус Қырҭтәыла иатәуп Иракли Кобахиӡе – Қырҭтәыла азҵаареи Украина иадҳәалоу аиҿцәажәарақәеи реидҳәалара ҟалом, Қырҭтәыла ҧхынҷкәын 14-15 рзы акандидат астатус аиуроуп Иракли Кобахиӡе – Венгриа аиҳабыреи анапхгаратә партиеи Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алалара ҕәҕәала иадгылоит Иракли Кобахиӡе – «Амилаҭтә ҵысра» шаҟа имаҷны анаӡынақәа аиуа аҟара, атәылаҿы адемократиа иазеиҕьхоит Иракли Кобахиӡе - Аколлективтә «Амилаҭтә ҵысра» иалоуп апартиақәа «Амилаҭтә ҵысреи», «Лелои», «Гирчии», «Гахариеи», дара ирзеиҧшу шьаҭак рымоуп, абизнесментцәа цәдырҳәуан, урҭ ракзаара уамашәа иубаратәы иҟам Иракли Кобахиӡе – Акандидат астатус иадҳәаланы агәыҕра ду ҳамоуп Амш зеиҧшрахо 10° ахә Қaрҭ Ас 7° амҽ 4° Авалиута акурс $ USD 2.6505 0.001 € EUR 2.8774 0.016 ₽ RUB 0.028419 0.020 £ GBP 3.3608 0.018 TOP 5 Шьалуа Папуашвили - Аиункерцәа рҭоурых еснагь иҳгәаланаршәоит ақырҭуа милаҭ ампыҵахалара ахаан шақәшаҳаҭуам Иракли Кобахиӡе – Арчил Татунашвили ихьыӡ ақырҭуа хацәа рыпатуи, рфырхаҵареи иасимволхит, аиҳабыра зегьы ҟаҳҵоит, ацәгьара зуз зегьы ахара рықәҵараз Давид Арахамиа - ЕАШ аҟынтә ацхыраара маҷхар, иаҳа ирацәаны ауаа рмобилизациа аҭаххоит Шалва Папуашвили аоппозициа ахь ихы ирхеит- Урыстәыла аибашьра ианалага, аиҳабыра иадызгалодаз, аибашьҩцәа Украинаҟа аибашьраз рдәықәҵара? Уи иаанамгаӡози Урыстәыла аҟны аибашьра алагара ашәарҭа? Шьалуа Папуашвили - Ҳԥыза-министр иеиԥш, актәи авизила Бриуссель саҭааит, Саакашвили раԥхьаӡатәи ивизитла Москва ддәықәлеит
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-kobaxidze-wkraina-anapxgara-phasati-ma-wazhti-achmnwaa-mra%D2%ADashara-gmbghan-a%D2%ADara-rmx%D2%ADam-ha-sgm-ia/
2024-02-23T11:15:58Z
<urn:uuid:4db6f049-836d-4f65-b6d3-474e23fff418>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.6
0.95
50
6,504
tlsh:T1596AE2D15740DB5BD6B3C019CB619A366CD0AA0BC7617210CED9F871265A56DEFFCC13A9BEE8694E749F1811D172BF106209FCEB487DBFD7B04340A05D2E24DE2B943285AE