content
stringlengths
209
722k
warc-target-uri
stringlengths
13
1.95k
warc-date
stringlengths
20
20
warc-record-id
stringlengths
47
47
quality-warnings
sequencelengths
0
5
categories
sequencelengths
0
4
identification-language
stringclasses
64 values
identification-prob
float64
0.27
1
identification-consistency
float64
0.6
1
script-percentage
float64
0.9
1
num-sents
int64
1
4.28k
content-length
int64
225
1.03M
tlsh
stringlengths
145
145
Словакиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр - Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи раԥхьаӡа акәны арҭбаара иазку Евроеидгыла ахеилак алкаа аларҵоит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Словакиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр - Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи раԥхьаӡа акәны арҭбаа... Иҵегь аҭагалара Словакиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр - Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи раԥхьаӡа акәны арҭбаара иазку Евроеидгыла ахеилак алкаа аларҵоит 13:38, 13.12.2022 «Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи раԥхьаӡа акәны арҭбаара иазку Евроеидгыла ахеилак алкаа аларҵоит », — иҳәеит Словакиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Андреи Станчик Бриуссель Евроеидгыла ахеилак аилатәара иалагаанӡа. Аилатәараҿ зҵаара хаданы иқәгылахоит Евроеидгыла арҭбаареи аҭышәынтәалареи рпроцесс. Словакиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр иажәақәа рыла, игәы шаанаго ала, Евроеидгыла арҭбаара зыда ухәарҭам процессуп. «Словакиа агәаанагарала, Украина ҳдемократиатә ҭаацәара алалароуп. Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи раԥхьаӡа акәны арҭбаара иазку Евроеидгыла ахеилак алкаа аларҵоит. Ҳгәы шаанаго ала, Евроеидгыла арҭбаара зыда ухәарҭам процессуп, арҭбаара ҳекономика азы аҵак ҷыда амоуп. Уи аҵак ҷыда амоуп аекономикатәи, аполитикатәи, агеополитикатәи мзызқәа ирыхҟьаны. Ҳара Босниеи Герцеговинеи Евроеидгыла акандидат статус аҭара ҳадгылоит», — иҳәеит Станчик. АПОЛИТИКА Евроеидгыла ахеилак Словaкиa 1 Еиҧшу Аегзитполқәа рыла, Словакиа имҩаԥысыз апарламенттә алхрақәа рҿы аиааира агеит апартиа "Пргрессивтә Словакиа" Словакиа апарламенттә алхрақәа мҩаҧысуеит Евроеидгыла ахеилак - Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәеи Илиа Дарчиашвилии иформалым реиҿцәажәарақәа раан Қырҭтәыла европатәи аперспективеи адемократиа арӷәӷәареи рыхцәажәеит Словакиа аиҳабыра Украинантәи арыц аимпорт аамҭала иаанныркылеит Украина Словакиаҟа афымца адәықәҵара еиҭалагеит Иракли Бераиа, Братислава, Словакиа Атәылахьчара аминистрра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ диҧылеит Евроеидгыла Ахеилак ицәырнагеит 2023-2024 шықәсқәа рзы ахадаратә ҵакы зауа аҧыжәарақәа - Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи руааҧсыра рҧеиҧш Евроеидгыла аҿоуп иахьыҟоу Евроеидгыла ахеилак - Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи рԥеиԥш Евроеидгылаҿ ауп Амш зеиҧшрахо 2° амҽ Қaрҭ ашә 3° аҩ 4° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Санкт-Петербург ҩнык адрон ақәҳаит Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ашәышықәсарацәалатә культуреи амилаҭтә принципқәеи змоу аконсервативтә жәлар ҳауп, уи ииашаны еилкаатәуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/slovakia-adnmkhati-awsqa-rministr-wkrainei-moldovei-qmr%D2%ADtmlei-ra%D4%A5x%D1%8Cadza-aknm-ar%D2%ADbaara-iazkw-evroeidgmla-axeilak-alkaa-alarcoit/
2024-03-03T00:24:10Z
<urn:uuid:1696c838-2261-4f46-9981-b10b0fddb186>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.6
0.95
47
5,440
tlsh:T19B44A9B18C01EB0BC1B7C1499A50C9366DD1B91BD621B121CED5F4B12706059EFBCD13E9BDEC494B206F2A05F262BF006B05FCE768BDBBCB324100A05E7E34EA2398714BAE
https://sputnik-abkhazia.info/20240115/tym-lash-iaygazaait-markyla-ashuaa-azhyrnya-shymayrgo-1049826967.html "Тәым лаԥш иаҟәыгазааит": Маркәыла Ашәуаа Ажьырныҳәа шымҩаԥырго "Тәым лаԥш иаҟәыгазааит": Маркәыла Ашәуаа Ажьырныҳәа шымҩаԥырго Sputnik Аҧсны Аԥсуаа жәытәнатәаахыс икамыжькәа, абиԥарала еимдо иаарго Ажьырныҳәа Маркәыла ақыҭан инхо Ашәуаа рҭаацәараҿы ишымҩаԥырго атәы ҳзеиҭалҳәоит Нарҭдырреи адәынтәи... 15.01.2024, Sputnik Аҧсны 2024-01-15T20:00+0300 2024-01-15T20:00+0300 2024-01-15T22:55+0300 аԥсны жәлар рдоуҳа https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/0f/1049825762_0:580:751:1002_1920x0_80_0_0_fba36eb9d6703280e4ebb66427d82176.jpg Аԥсуаа ртрадициатә ныҳәара Ажьырныҳәа ишдыру еиԥш иазгәарҭоит жәытәла Ашықәс ҿыц аназгәарҭо ауха. Аха ажьира ахаҭаҵәҟьа иаҵагылоу иҟоуп макьана ари аныҳәа азгәазымҭац, избанзар урҭ дара ианрықәу аҽны ауп ианныҳәо, мамзаргьы даҽа мзызқәак ирыхҟьаны ари амза иҭагӡаны иазгәазҭарц згәы иҭоу. Аиҳарак ари аныҳәара иазалху амшқәаны иԥхьаӡоуп ашәахьеи аԥшьашеи. Иазгәаҭатәуп, бзыԥаа рҿы атрадициатә ныҳәарақәа раӷьырак шәахьалеи ԥшьашалеи ишымҩаԥырго, уи Ажьаҳара аума, ахәыҷы иныҳәара аума, аԥаҭлыка акныхра (аарыхра иазку аныҳәара), даҽа ҿаҭахьак аума уҳәа жәпакы. Абжьыуаа рҟны акәзар, шамахамзар, арҭ еиқәаҳаԥхьаӡаз аныҳәарақәа еиҳарак мҽышалоуп ианымҩаԥырго, Ажьырныҳәа – иара ианақәшәо иарбан мшызаалакгьы иҟарҵоит.Очамчыра араион Маркәыла ақыҭа Чақа иԥа Митиа Ашәуа иҭаацәараҿы Ажьырныҳәа иаԥылоит иара ианақәшәо амш азы. Чақа ԥшьҩык аҷкәынцәеи ԥҳазаҵәыки иман, иара иҟынтәи ихәыҷқәа, имаҭацәа ишраҳахьаз ала, Ашәуа ҳәа ажәла иныҟәырго Ашәынтәи (Нхыҵ Кавказ, иахьа абазақәа - ашәуаа ахьынхо) аҟынтәи иаауеит."Сабду еиҭеиҳәо саҳахьан, ашәыуак ашьра иахҟьаны дхыҵны дааит. Уи дзықәтәаз аҽы ҟамчыла ианас, иара ихьымӡӷишьан, ашьра ҟаиҵеит. Иара хҩык аԥацәа иман: руаӡәы Маркәыла дынхеит, егьи – Кындыӷ, ахԥатәи – Гал (Самырзаҟан). Сабду Чақа иара жәытәнатәаахыс ишибахьаз убас имҩаԥигон Ажьырныҳәа. Иара игәы бзиамкәа, имч цаны, илымшо даныҟала, аишьцәа иреиҳабыз саб иакәын, саб даҵаиныҳәан, ацәашьы ииркит. Саб ари аныҳәа ҽнакгьы иахимгац, Анцәа иумҳәан, цәгьарак ҟалар, иахигоит акәымзар, ҽнак иахимгац, есышықәса иара ианақәшәо, ажьырныҳәа 13 ауха иҟаиҵоит", - ҳәа еиҭалҳәоит Чақа Ашәуа имоҭа Оксана Ашәуа.Чақа иҷкәынцәа реиҳабы Митиа Ашәуа иаб ишиҿиҵааз еиԥш ари аныҳәара мҩаԥигоит. Иара данаҵаиныҳәоз, ажьираҿы днаганы, ашьтәа шьны диныҳәеит, ацәашьы ииркит, "шьҭарнахыс амаа укуп" ҳәа. Убринахысгьы Маркәыла, иаб игәараҭаҿы иныҳәо иара иоуп. Чақа ихылҵыз еиҿыҵны хаз-хазы ишынхогьы, Ажьырныҳәа аухаз раб игәараҭаҿ аҭаацәара ду зегь еизоит. Митиа иашьцәа, иаҳәшьа; урҭ ирыхшаз, рмаҭацәа дара зегь џьарак иныҳәоит. Ашәуаа рҭаацәара еизҳацыԥхьаӡа, аҵеи-аҷкәын шықәсык анихыҵлак, ажьира даҵаиныҳәоит ачгара ианыҵам мшык налхны, ашьтәа шьны, убринахыс ауп Ажьырныҳәахь анеира азин аниоуа. Иазгәаҭатәуп, Митиа Ашәуа иҭаацәараҿы ажьира аӡӷаб дшаҵадмыргыло хаҵа дцаанӡа. Аӡӷаб аҭаацәара даналала инаркны ауп лмарҭхә лыманы дааны ажьира данаҵагыло.Аныҳәара ахаҭа ачысхә ҳәа иԥхьаӡоуп: арбаӷь, ачашә, ацәашьы. Аныҳәаҩ ихаҭа хышықәса рахь знык рбаӷьла акәымкәа, шьтәала ихы иныҳәоит, иабацәа ишидырбаз ала. "Абарҭ роуп ҳара иҳақәу, ашьтәа ҳақәӡам" ҳәа еиҭарҳәоит аныҳәа мҩаԥызго Ашәуаа. Есышықәса рыцыԥхьаӡа арбаӷьқәа ршьуеит, ачашә ҟарҵоит, ацәашьы адыркуеит. Аныҳәаҩ аԥхьа "абзара аирбоит", зегь аӡәаӡәала рарбаӷьқәа рхыганы дныҳәоит. Ииныҳәо иарма шьапы арсны иарӷьа шьапыла дшьамхнышгылоит. Анаҩс зегь еицхырааны рчысхә дырхиоит, досу иара иарбаӷь, ичашә, ицәашьы меиларҩашьакәа иҟарҵоит. Ахәылԥаз абарҭ рчысхәқәа рыманы аныҳәаҩ раԥхьа дгыланы ажьирахь инеиуеит. Уаҟа аныҳәаҩ деиҭаныҳәоит, зегьы рарбаӷьқәа агәи агәаҵәеи агьама дирбоит, дара аԥхьа ишыҟарҵаз еиԥш рызшьамхык арсны (аха уаанӡеиԥш аӡәаӡәала акәымкәа), еикәшаны инышьамхнышгылоит, иара рцәашьқәа зегь неидкыланы иаркны дырхыкәшоит, аҵыхәтәан иара ихгьы инахыркәшаны инаган икыдиҵоит.Иалкаатәуп, Митиа Ашәуа иҭаацәара Ажьырныҳәа архаикатә шьаҭақәа еиқәырханы ишаарго. Урҭ иреиуоуп иара ари аныҳәараҿы аҩы шҭоу аҵәца кны дахьымныҳәо Ажьырныҳәа аҽны. Убриаан ажьира-ҳаԥшьа, лымкаала Ажьырныҳәа мацара иазку изыҵоуп, еснагь ҭагалан аҩы анҭарҭәо, егьырҭ иҳаԥшьақәа раԥхьа ирҭәуа. Аха уи хыртны данахныҳәо Амшаԥы хымш шагу ауп."Амшаԥы хымш шагу, аҿбаара иахьыҵоу азыҳәан, ахәажәақәа ашә агәыламҵакәаны дахныҳәоит, Ажьырныҳәа иаҵагылоу зегьы-зегь ҳаҟоуп аҳаԥшьа аныхиртло. Убраҟагьы досу ҳмарҭхәқәа ааҳгоит – ацәашьы. Убасоуп ҳара ишҳақәу", - ҳәа еиҭалҳәоит аныҳәаҩ имоҭа. Иара ихаҭа урҭқәа аиҭаҳәара иҭахӡам, бзиа ибаӡом, ҳара ҳаниазҵаауагьы иҳаиҳәаӡом ҳәа салҳәеит лара. Иҟалап, аҷкәын бзиа иибаз аҭыԥҳа, ҽа блак дамбандаз ҳәа, егьырҭ рылаԥш дацәиҵәахыр аниҭаху еиԥш иаҩызазар уи аӡбахә ахьимҳәо. Ҳаргьы ари анҵамҭаҿы амаӡақәа зегь ааҳартуам, иара егьырҭ ҳанҵамҭақәа рҟын еиԥш, аинформациатә ҵакы заҵәык ада. Ҳныхахәқәеи, ҽаӡә изныҟәымго ҳаԥсуареи, ҳҭыԥҳа ԥшӡа Аԥсни тәым лаԥш иаҟәыгазааит! https://sputnik-abkhazia.info/20240113/azhyrnya-ashaaa-ryzkhashrei-ui-iakhati-aaki-1049814088.html https://sputnik-abkhazia.info/20240112/Aza-khy-Antsa-iazaaumgan-asuaa-Azhyrnya-shymayrgo-1031622307.html https://sputnik-abkhazia.info/20190414/Aasha--anyagat-iadyrgalo-inymao-ay-1027091156.html https://sputnik-abkhazia.info/20240113/bartsytsa-azhyrnyazy-ara-dua-zmou-nyoup-1049805605.html Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 2024 Есма Ҭодуаԥҳа https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg Есма Ҭодуаԥҳа https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg Ажәабжьқәа ab_AB Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 1920 1080 true 1920 1440 true https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/0f/1049825762_0:484:751:1047_1920x0_80_0_0_94820ac0bedf826f9127d0452637b1e7.jpg 1920 1920 true Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Есма Ҭодуаԥҳа https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg жәлар рдоуҳа жәлар рдоуҳа "Тәым лаԥш иаҟәыгазааит": Маркәыла Ашәуаа Ажьырныҳәа шымҩаԥырго 20:00 15.01.2024 (ирҿыцуп: 22:55 15.01.2024) © Foto / сзаалышьҭит Оқсана АшәуаАжьырныхуа в с.Маркула. Семья Ашуа © Foto / сзаалышьҭит Оқсана Ашәуа Анапаҵаҩра Есма Ҭодуаԥҳа НААР аҭҵаарадырратә усзуҩ материал Аԥсуаа жәытәнатәаахыс икамыжькәа, абиԥарала еимдо иаарго Ажьырныҳәа Маркәыла ақыҭан инхо Ашәуаа рҭаацәараҿы ишымҩаԥырго атәы ҳзеиҭалҳәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа. Аԥсуаа ртрадициатә ныҳәара Ажьырныҳәа ишдыру еиԥш иазгәарҭоит жәытәла Ашықәс ҿыц аназгәарҭо ауха. Аха ажьира ахаҭаҵәҟьа иаҵагылоу иҟоуп макьана ари аныҳәа азгәазымҭац, избанзар урҭ дара ианрықәу аҽны ауп ианныҳәо, мамзаргьы даҽа мзызқәак ирыхҟьаны ари амза иҭагӡаны иазгәазҭарц згәы иҭоу. Аиҳарак ари аныҳәара иазалху амшқәаны иԥхьаӡоуп ашәахьеи аԥшьашеи. Иазгәаҭатәуп, бзыԥаа рҿы атрадициатә ныҳәарақәа раӷьырак шәахьалеи ԥшьашалеи ишымҩаԥырго, уи Ажьаҳара аума, ахәыҷы иныҳәара аума, аԥаҭлыка акныхра (аарыхра иазку аныҳәара), даҽа ҿаҭахьак аума уҳәа жәпакы. Абжьыуаа рҟны акәзар, шамахамзар, арҭ еиқәаҳаԥхьаӡаз аныҳәарақәа еиҳарак мҽышалоуп ианымҩаԥырго, Ажьырныҳәа – иара ианақәшәо иарбан мшызаалакгьы иҟарҵоит. Аԥсны Ажьырныҳәа ашьаҭақәа рызхьаԥшреи уи иахьатәи аҵаки 13 Ажьырныҳәа, 15:45 Очамчыра араион Маркәыла ақыҭа Чақа иԥа Митиа Ашәуа иҭаацәараҿы Ажьырныҳәа иаԥылоит иара ианақәшәо амш азы. Чақа ԥшьҩык аҷкәынцәеи ԥҳазаҵәыки иман, иара иҟынтәи ихәыҷқәа, имаҭацәа ишраҳахьаз ала, Ашәуа ҳәа ажәла иныҟәырго Ашәынтәи (Нхыҵ Кавказ, иахьа абазақәа - ашәуаа ахьынхо) аҟынтәи иаауеит. "Сабду еиҭеиҳәо саҳахьан, ашәыуак ашьра иахҟьаны дхыҵны дааит. Уи дзықәтәаз аҽы ҟамчыла ианас, иара ихьымӡӷишьан, ашьра ҟаиҵеит. Иара хҩык аԥацәа иман: руаӡәы Маркәыла дынхеит, егьи – Кындыӷ, ахԥатәи – Гал (Самырзаҟан). Сабду Чақа иара жәытәнатәаахыс ишибахьаз убас имҩаԥигон Ажьырныҳәа. Иара игәы бзиамкәа, имч цаны, илымшо даныҟала, аишьцәа иреиҳабыз саб иакәын, саб даҵаиныҳәан, ацәашьы ииркит. Саб ари аныҳәа ҽнакгьы иахимгац, Анцәа иумҳәан, цәгьарак ҟалар, иахигоит акәымзар, ҽнак иахимгац, есышықәса иара ианақәшәо, ажьырныҳәа 13 ауха иҟаиҵоит", - ҳәа еиҭалҳәоит Чақа Ашәуа имоҭа Оксана Ашәуа. Аԥсны "Азҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган": аԥсуаа Ажьырныҳәа шымҩаԥырго 12 Ажьырныҳәа, 10:00 Чақа иҷкәынцәа реиҳабы Митиа Ашәуа иаб ишиҿиҵааз еиԥш ари аныҳәара мҩаԥигоит. Иара данаҵаиныҳәоз, ажьираҿы днаганы, ашьтәа шьны диныҳәеит, ацәашьы ииркит, "шьҭарнахыс амаа укуп" ҳәа. Убринахысгьы Маркәыла, иаб игәараҭаҿы иныҳәо иара иоуп. Чақа ихылҵыз еиҿыҵны хаз-хазы ишынхогьы, Ажьырныҳәа аухаз раб игәараҭаҿ аҭаацәара ду зегь еизоит. Митиа иашьцәа, иаҳәшьа; урҭ ирыхшаз, рмаҭацәа дара зегь џьарак иныҳәоит. Ашәуаа рҭаацәара еизҳацыԥхьаӡа, аҵеи-аҷкәын шықәсык анихыҵлак, ажьира даҵаиныҳәоит ачгара ианыҵам мшык налхны, ашьтәа шьны, убринахыс ауп Ажьырныҳәахь анеира азин аниоуа. Иазгәаҭатәуп, Митиа Ашәуа иҭаацәараҿы ажьира аӡӷаб дшаҵадмыргыло хаҵа дцаанӡа. Аӡӷаб аҭаацәара даналала инаркны ауп лмарҭхә лыманы дааны ажьира данаҵагыло. © Foto / сзаалышьҭит Оқсана Ашәуа Ашәуаа рҭаацәара аиҵбыратә абиԥара 1/4 © Foto / сзаалышьҭит Оқсана Ашәуа Ашәуаа рҭаацәара аиҵбыратә абиԥара © Foto / сзаалышьҭит Оқсана Ашәуа Митиа, Гарри, Клава Ашәуаа 2/4 © Foto / сзаалышьҭит Оқсана Ашәуа Митиа, Гарри, Клава Ашәуаа © Foto / сзаалышьҭит Оқсана Ашәуа Игор, Гарри, Митиа (аишьцәа гәакьацәа роуп, жьирак еицаҵагылоуп, дныҳәоит реиҳабы Митиа - арыӷьарахь итәоу) 3/4 © Foto / сзаалышьҭит Оқсана Ашәуа Игор, Гарри, Митиа (аишьцәа гәакьацәа роуп, жьирак еицаҵагылоуп, дныҳәоит реиҳабы Митиа - арыӷьарахь итәоу) © Оксана Ашуа Митиа Ашәуа ииныҳәо иарбаӷь ихыганы диныҳәоит. 4/4 © Оксана Ашуа Митиа Ашәуа ииныҳәо иарбаӷь ихыганы диныҳәоит. 1/4 © Foto / сзаалышьҭит Оқсана Ашәуа Ашәуаа рҭаацәара аиҵбыратә абиԥара 2/4 © Foto / сзаалышьҭит Оқсана Ашәуа Митиа, Гарри, Клава Ашәуаа 3/4 © Foto / сзаалышьҭит Оқсана Ашәуа Игор, Гарри, Митиа (аишьцәа гәакьацәа роуп, жьирак еицаҵагылоуп, дныҳәоит реиҳабы Митиа - арыӷьарахь итәоу) 4/4 © Оксана Ашуа Митиа Ашәуа ииныҳәо иарбаӷь ихыганы диныҳәоит. Аныҳәара ахаҭа ачысхә ҳәа иԥхьаӡоуп: арбаӷь, ачашә, ацәашьы. Аныҳәаҩ ихаҭа хышықәса рахь знык рбаӷьла акәымкәа, шьтәала ихы иныҳәоит, иабацәа ишидырбаз ала. "Абарҭ роуп ҳара иҳақәу, ашьтәа ҳақәӡам" ҳәа еиҭарҳәоит аныҳәа мҩаԥызго Ашәуаа. Есышықәса рыцыԥхьаӡа арбаӷьқәа ршьуеит, ачашә ҟарҵоит, ацәашьы адыркуеит. Аныҳәаҩ аԥхьа "абзара аирбоит", зегь аӡәаӡәала рарбаӷьқәа рхыганы дныҳәоит. Ииныҳәо иарма шьапы арсны иарӷьа шьапыла дшьамхнышгылоит. Анаҩс зегь еицхырааны рчысхә дырхиоит, досу иара иарбаӷь, ичашә, ицәашьы меиларҩашьакәа иҟарҵоит. Ахәылԥаз абарҭ рчысхәқәа рыманы аныҳәаҩ раԥхьа дгыланы ажьирахь инеиуеит. Уаҟа аныҳәаҩ деиҭаныҳәоит, зегьы рарбаӷьқәа агәи агәаҵәеи агьама дирбоит, дара аԥхьа ишыҟарҵаз еиԥш рызшьамхык арсны (аха уаанӡеиԥш аӡәаӡәала акәымкәа), еикәшаны инышьамхнышгылоит, иара рцәашьқәа зегь неидкыланы иаркны дырхыкәшоит, аҵыхәтәан иара ихгьы инахыркәшаны инаган икыдиҵоит. "Ажьира Аҳ дуӡӡа! Абра ҳааины ушьапы ҳкуеит! Улԥха ҳаманы, угәыԥха ҳаманы! Абар амзагьы аҟалара (агылара - Е. Ҭ.) иаҿуп, ҽааны абри ашҭа дуӡӡа ҳазымкуа, ҳаҟара ҳацло, аизҳара ҳауҭаразы, аманшәалара ҳауҭаразы ҳуҳәоит!" - ҳәа, амзаҿа анкыду еиԥш, агьежь амыркӡакәа, ихагьежьаан зызшьамхык арсны итәоу иҵакыра, амза рықәыҷҷа иныҳәоит Митиа Ашәуа жәын ишыҟарҵалоз еиԥш. Иалкаатәуп, Митиа Ашәуа иҭаацәара Ажьырныҳәа архаикатә шьаҭақәа еиқәырханы ишаарго. Урҭ иреиуоуп иара ари аныҳәараҿы аҩы шҭоу аҵәца кны дахьымныҳәо Ажьырныҳәа аҽны. Убриаан ажьира-ҳаԥшьа, лымкаала Ажьырныҳәа мацара иазку изыҵоуп, еснагь ҭагалан аҩы анҭарҭәо, егьырҭ иҳаԥшьақәа раԥхьа ирҭәуа. Аха уи хыртны данахныҳәо Амшаԥы хымш шагу ауп. "Амшаԥы хымш шагу, аҿбаара иахьыҵоу азыҳәан, ахәажәақәа ашә агәыламҵакәаны дахныҳәоит, Ажьырныҳәа иаҵагылоу зегьы-зегь ҳаҟоуп аҳаԥшьа аныхиртло. Убраҟагьы досу ҳмарҭхәқәа ааҳгоит – ацәашьы. Убасоуп ҳара ишҳақәу", - ҳәа еиҭалҳәоит аныҳәаҩ имоҭа. Аҳаԥшьа – аныҳәагатә иадыргало "инымҵәаӡо аҩы" 14 Мшаԥы 2019, 18:41 Иара ихаҭа урҭқәа аиҭаҳәара иҭахӡам, бзиа ибаӡом, ҳара ҳаниазҵаауагьы иҳаиҳәаӡом ҳәа салҳәеит лара. Иҟалап, аҷкәын бзиа иибаз аҭыԥҳа, ҽа блак дамбандаз ҳәа, егьырҭ рылаԥш дацәиҵәахыр аниҭаху еиԥш иаҩызазар уи аӡбахә ахьимҳәо. Ҳаргьы ари анҵамҭаҿы амаӡақәа зегь ааҳартуам, иара егьырҭ ҳанҵамҭақәа рҟын еиԥш, аинформациатә ҵакы заҵәык ада.
https://sputnik-abkhazia.info/20240115/tym-lash-iaygazaait-markyla-ashuaa-azhyrnya-shymayrgo-1049826967.html
2024-03-04T04:34:41Z
<urn:uuid:1cce4e0b-9a29-4a21-bfa9-881ad11ba591>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.76
0.92
71
21,533
tlsh:T106474CA2CC40CF4FC5B3D519DFA24A37A8D1590382B33670CFCAF9B11B5109CFFFCE13AAB6E50A5978DB2016D292AF10A41EEDEA057D6AD7709210A8683F39CC17543A865E
Рауль Ҳаџьымба дидидикылеит зхы иақәиҭу ақәҧаразы Урыстәыла имҩаҧысуаз аицлабраҟны аиааира згаз Асланбек Гәарамиа. Ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза анҵәамҭазы Урыстәыла, Иакутск ақ. аҟны имҩаҧысуаз зхы иақәиҭу ақәҧаразы аицлабраҟны Асланбек Гәарамиа ахьтәы медал игеит. Асланбек Гәарамиа идагьы аицлабра иалахәын ҳтәыла ахьӡ ҳаҭырла ицәырызгаз хҩык аҧсуа спортсменцәа. Аҧсны Ахада Асланбек Гәарамиеи уи иазыҟаҵаҩцәеи аиааира рыдиныҳәалеит. "Ҳара ҳтәыла ахьӡ зху аспортсменцәа ҳрыдгылоит излауала. Сгәы иаанагоит, хара имгакәа ҳаспортсменцәа адунеи зегьы аҟны ҳара ҳбираҟ иаҵагыланы ицәырҵлоит ҳәа", - агәыҕра шимоу иҳәеит Рауль Ҳаџьымба. Ахада Асланбек Гәарамиа ианаишьеит агәалашәаратә ҳамҭа, изеиҕьеишьеит иаҧхьаҟагьы аихьӡара дуқәа. Аиҧылара иара убас иалахәын Ахада иабжьагаҩ Беслан Џьынџьали зхы иақәиҭу ақәҧаразы азыҟаҵаҩ Ҭемыр Џьопуа. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2321/
2024-02-29T09:43:54Z
<urn:uuid:ae43fb42-9b92-4ec5-8e97-fd091aab8c80>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.85
0.85
0.95
13
2,398
tlsh:T10F5266417B40DB8BD2F3C06ECF925A316CD0684206627650CD8AF0B54286098FBFCD23EAFBE5169BA0EB1022D1667A10A909ADE9297DF9E3740201A53C3F79DD37A435D16F
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәылатәи Афедерациеи Ареспублика Аԥсни адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵра инамданы дидныҳәалеит. 09.09.2023 245 Сергеи Лавров Инал Арӡынба Аԥсни Урыстәылеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәдыргылежьҭеи 15 шықәса аҵра идиныҳәалеит Сергеи Лавров иколлега Инал Арӡынба Аԥсни Урыстәылеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәдыргылежьҭеи 15 шықәса аҵра идиныҳәалеит. 05.09.2023 220 Аԥсны АдәА рминистр имаҵура аанижьуеит ҳәа иҟоу аинформациа ииашам ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба имаҵура аанижьуеит ҳәа иҟоу аинформациа иашам ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵоит. 03.09.2023 163 Анотақәа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба никарагуатәи иколлега Денис Роналдо Монкада Колиндрес иахь аҳәамҭа наишьҭит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба никарагуатәи иколлега Денис Роналдо Монкада Колиндрес иахь аҳәамҭа наишьҭит Ареспублика Никарагуа Аԥсны Аԥсны азханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра инамаданы. 03.09.2023 115 Анотақәа Инал Арӡынба Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Витали Игнатьев адныҳәаларатә шәҟәы изынаишьҭит Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика ашьаҭаркра Амшныҳәа инадҳәаланы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Витали Игнатьев адныҳәаларатә шәҟәы изынаишьҭит. 26.08.2023 191 Анотақәа Арӡынба Џьиоев идиныҳәалеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Асхар Џьиоев идиныҳәалеит Урыстәыла ареспублика ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра. 26.08.2023 183 Иҵит 15 шықәса Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеижьҭеи Нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа разхаҵаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Уи аахыс ари амш атәылаҿы иҳәынҭқарратә ныҳәаны иазгәарҭоит. 24.08.2023 254 Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа Иахьатәи аамҭазы жәларбжьаратәи ашәарҭадара асистема акыр иеибарххоуп Урыстәылеи аколлективтә Мраҭашәареи рыбжьара. Асеиԥш аан АИХқәа рҟны иӡырырго аҳәамҭақәа Адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы агеополитикатә еиҿагылара иалҵшәаны иахәаԥшуеит. 23.08.2023 132 Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы аконцерт мҩаԥысит Урыстәыла Аԥсны азханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра инамаданы Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы аконцерт мҩаԥысит, нанҳәа 23 рзы. 23.08.2023 116 Викториа Маланиаԥҳа астол гьыжь аусура далахәын Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Викториа Маланиа он-лаин формат ала далахәын Жәларбжьаратәи астол гьыжь «Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла. Урыстәылатәи Афедерациа ареспубликақәа рхьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 15-шықәса. Аԥышәеи аԥеиԥшқәеи». 21.08.2023 134 Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Аԥснытәи аделегациа адипломат ҿарацәа еидызкыло VI Аглобалтә форум рхы аланархәуит Нанҳәамза 17 – 21 рзы Казань ақалақь аҿы имҩаԥысуан адипломат ҿарацәа еидызкыло VI Аглобалтә форум. Уи рхы аладырхәуеит 40 тәыла рҟынтәи алахәылацәа 130-ҩык. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу адипломат ҿарацәа Рхеилак анаԥхьарала Аԥснытәи аделегациагьы. 18.08.2023 128 Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Инал Арӡынба аплатформа «Аԥсны аԥеиԥш» алахәылацәа дырԥылеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аплатформа «Аԥсны аԥеиԥш» алахәылацәа рԥылараан далацәажәеит ҳтәыла акәша-мыкәша иҟоу актуалтә политикатә ҭагылазаашьа, Аахыҵ Кавказ арегион аҟны аҭыԥ змоу аҭагылазаашаьқәа, ҳпартниор хада – Урыстәылатәи Афедерациа азыҟазаашьаҿы аԥыжәара змоу азҵаарақәа ртәы. 17.08.2023 214 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Инал Арӡынба ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсны АдәАР ахада иааԥхьараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит нанҳәа 26 азы ишыҵуа 15 шықәса Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны аҳәынҭқарратә суверинитет азханаҵеижьҭеи. 17.08.2023 140 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Инал Арӡынба Гарри Кәыпалба иирамш идиныҳәалеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Аофициалтә хаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалба имшира идиныҳәалеит. 15.08.2023 248 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа Арра-мшынтә мчқәа рышьаҭаркра 43 шықәса ахыҵра аныҳәа далахәын 2023 шықәса нанҳәа 14 рзы Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа Арра-мшынтә мчқәа рышьаҭаркра 43 шықәса ахыҵра аныҳәа далахәын. 14.08.2023 172 Заур Ӷәаџьаа далахәын Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа ахьыԥшымра 198 шықәса ахыҵра аныҳәа Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҿы иҟоу Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Себастиан Родриго Мишель Хоффман инаԥхьарала далахәын Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа ахьыԥшымра 198 шықәса ахыҵра аныҳәа. ымра 198 шықәса ахыҵра аныҳәа. 08.08.2023 190 Анотақәа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит ареспублика аганахь ала Қырҭтәыла агрессиа амҩаԥгара 15 шықәса ахыҵра амш аҽны. 07.08.2023 248 Анотақәа Аԥсны жәларбжьаратәи афестиваль иалахәын 2023 шықәса нанҳәа 5-6 рзы Никарагуа аҳҭнықалақь Манагуа аҟны имҩаԥысуз аҟазареи, акультуреи, афатәаалыҵқәеи рфестиваль иалахәын 40 ҳәынҭқарра инареиҳаны. 26.07.2023 188 Анотақәа Ахсар Џьиоев Инал Арӡынба адныҳәаларатә шәҟәы изааиҭиит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба имшира идиныҳәалеит. 26.07.2023 122 Анотақәа Михаил Шургалин Инал Арӡынба адныҳәаларатә шәҟәы изааиҭиит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба имшира идиныҳәалеит.
http://mfaapsny.org/allnews/?PAGEN_1=6
2024-02-26T11:41:46Z
<urn:uuid:2c4e93dc-b98a-4ab6-8b43-99b5805dd6ae>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.75
1
56
10,882
tlsh:T1E7920E227B44CF9BC973D0488E92CC35ADC158578221B271CED1F9B1274314DEBFCD03E6B5A8158F789B1621E692AB016B4FFDE5247DBFC7718600A52E2E38EA27943692DE
Имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара Ажьырныҳәамза 18 рәы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысит Ԥлиа Бадрик хантәаҩра ззиуаз Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак аилатәара. Аилатәара иалахәыз Аԥсны Аҳәынҭқаррахь анефтаалыҵқәа раагара инамаданы абылтәы аџьырмыкьаҟны иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит. Аилак аилатәара иалахәын Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атрансопрти рминистр Џьансыхә Нанба, аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭемраз Амқәаб, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа, абылтәы еилахәыра ахаҭарнакцәа. Анагӡаратә мчхара ахаҭарнакцәа адепутатцәа адырра рырҭеит аԥсны-урыстәылатәи аҳәааҟны аҭагылазаашьеи Урыстәылантә Аԥсныҟа абылтәы аекспорт азҵааразы аурыс ган алархәны имҩԥыргаз аилацәажәареи рзы. Амқәаб Ҭ. далацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра инанагӡаз ауснагӡатәқәа ртәы 2023 шықәса ԥхынҷкәынмза 16 аҟнытә УА Аиҳабыра иаднакылаз Ақәҵара инамаданы, уи инақәыршәаны аилахәыра «Урыснефт» азин ҷыда анаҭоит анефтаалыҵқәа Урыстәылантә Аԥсны Аҳәынҭқаррахь раагаразы. Иааԥхьаз абылратә еилахәыра ахаҭарнакцәа ирҳәеит ргәы шамырҭынчуа рнаплакқәа ишахәҭоу аус русуразы алшара аҟамзаара иадҳәалоу аҭагылазаашьа. Ирҳәеит зыхәԥса ахшәаау абылтәы урыстәылатәи аҳәааҟны ишынхаз 2023 шықәса ԥхынҷкәынмза 21 раахыс, АҬС аус шырымуа. Аилатәараҟны адепутатцәа ргәаанагарақәа рҳәеит Аԥсны Аиҳабыра урыстәылатәи аколлегацәа абри аганахьала аус рыцура шырццактәу азы. Иалацәажәеит иара убас абылтәы даҽа мҩак ала аагара азҵаарагьы, иаҵшьны иҳәан лассы антимонопольтә закәанԥҵара адкылара аҵак ду шамоу. Ари азҵааразы анагӡаратә мчхара ала хырԥашьа змам азыӡбақәа рыдкылара иамоу аҵакы азгәаҭаны, адепутатцәа хара имгакәа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алҵразы Аиҳабыра русура аихшьала нарҵауланы аҭҵаара ахьымҩаԥысуа Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак аилатәара амҩаԥгаразы азыӡба рыдыркылеит.
https://parlamentra.org/ab/novosti/4372.html
2024-02-24T12:07:13Z
<urn:uuid:2c53aa1b-07dc-458c-969a-c1d73f6d2034>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
8
3,785
tlsh:T1048846711740CB4FC5B3C0588A929D316C81681386617720CEC9F5B1025209EEFFCC23EAFA94158E38AB1616D1A2BF15A60EEEE9547D3FE7318610D5AD6F78EA37447AC5DE
Жәабран 18, 2015ш. Ахада Иусбарҭа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны абанк аҿы аиҭакрақәа ирызкыз аилацәажәара мҩаҧигеит. Аилацәажәара иалахәын Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба, Аҧыза-министр Беслан Быҭәба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Афинансқәа рминистр Амра Қәаранӡиа, Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа, Амилаҭтә банк ахантәаҩцәа Емма Ҭаниеи и Зураб Џьынџьали, абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Гьаргь Агрба, адепутатцәа Заур Амқәаби Беслан Ҵнариеи, Аҧсны аус зуа акоммерциатә банкқәа реиҳабцәа. Аилацәажәараҿы Ахада уи иалахәыз азирхәыцит абанктә аҿы аиҭакрақәа рымҩаҧгара шаҭаху, лымкаала, азакәанҧҵараҿы. « Ҳара ҳаизеит абанк аҿы имҩаҧысуа аилыргаразы, излауала рацәак иҽеим аҭагылазаашьа аҧсахразы»,-иҳәеит Рауль Ҳаџьымба. «Ҳара Амилаҭтә банк ҳамоуп хыбраҵас, уа аус зуа ауаа ыҟоуп, аха иҟаӡам абанктә система»,- иациҵеит уи. Ахада адҵа ҟаиҵеит аҧаратә хархәагақәа хаҭала изырҭо хылаҧшра азыруларц . «Иаужьу акредитқәа реицҵалыҵ уаршанхоит - 2.5млрд мааҭ рырхынҳәышьа иҟашәҵои? – Ахада акоммерциатә банкқәа рнапхгаҩцәа дрызҵааит. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит хазхаҭалатәи ахаҿқәа кредитла реиқәыршәара асистема аус шамуа, хымҧада ауалқәа рырхынҳәра асистема шаҧҵатәу. Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа дақәшаҳаҭхеит Ахада аҭагылазаашьа ауадҩразы ииҳәаз, иазгәеиҭеит Амилаҭтә банк ахала ари акризис алҵра шалымшо. « Егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, Апарламент, аиҳабыра, азинхьчаратә усбарҭақәа рылшарақәа еицҵаны аусеицура аҭахуп. Акраҵанакуеит ҳәа исыҧхьаӡоит Амилаҭтә банки афинансқәа рминистрреи, аекономик аминистрреи русеицушьа аиҭахәаҧшра. Амилаҭтә банк аҧхьаӡаратә центрны мацара акәӡам, уи атәыла аеконномика аҿиара иацхраауазароуп »,-иациҵеит Беслан Барателиа. Иара убас уи иазгәеиҭеит абанктә системаҟны азакәанҧҵара аиҭахәаҧшреи аҧарақәа рырхынҳәра амеханизм аҧҵареи аркы шаҵанакуа, избанзар ирхынҳәым ауал дуӡӡақәа иааизакны атәыла аҿиара ишаҧырхагоу. Аилацәажәараҿы иазгәаҭан азинхьчаратә усбарҭақәа аусрыцура акры шаҵанакуа. Аҵәахратә банк ахантәаҩы Ҭемыр Бганба аҭагылазаашьа аҧсахразы апрокуратуреи амчратә еилазаашьақәеи рыцхыраара шаҭаху. “Аӡбаратә ....система аҧҵатәуп ҳәа ҳгәы иаанагоит »,-иациҵеит Бганба. Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Гьаргь Агрба ирыдигалеит Амилаҭтә банктә хеилак аусура арҿыхара, абанктә закәанҧҵара аиҭахәаҧшра. « Ҳара Амилаҭтә банк анапхгара аидеиақәа ҳгәаҧхоит, аусицура ҳазхиоуп, иҟаиҵо аҿыцаҧшьгарақәа ҳрыдгылоит»,-иаҵшьны иазгәеиҭеит адепутат. Амилаҭтә банк ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩы Емма Ҭаниа иазгәалҭеит иара убас акредитла аиқәыршәаразы аусура 2007 шықәсазы ирыдыркылаз анормативтә акт «Акредитқәа рыҭара аҧҟарақәа»инақәыршәаны ишымҩаҧысуаз. «Абанкқәа рзыҟазаашьа иахьынӡахәҭаз иџьбаран. Аха уадаҩрас иҟоу акредит згаз ихыдҵақәа шынаигӡо мацара акәӡам. Сара сгәы иаанагоит иҟоу акризис асистематә ҟазшьа амоуп ҳәа. Ҳара ҳганахьала абанкқәа аӡбарахь ирыдҵааларц рыдаҳҵоит азкаәанҧҵаратә ҧҟарақәа аусӡабарақәа дырццакып ҳәа ҳрықәгәыҕны, ауал зқәу уи иднаҵо дықәныҟәап ҳәа, аха ара ауадаҩрақәа цәырҵуеит»,- иацылҵеит Ҭаниа. Жәлар Реизара Зураб Амқәаб иаҭахуп ҳәа азгәеиҭеит абанктә системаҟны иҟоу акризис алҵразы концептуалтәла аусхқәа рышьақәгылара иазку амҩатә хсаалақәа аҧҵатәуп ҳәа. Аилацәажәара аихшьалақәа рыла Рауль Ҳаџьымба хара имгакәа атәыла абанктә система арҿыцреи ишьақәгылаз абанктә кризис алҵрази ажәалагалақәа разырхиаразы адҵа ҟаиҵеит. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/1508/
2024-02-24T22:04:35Z
<urn:uuid:831ebbc1-a547-4e0a-901c-78ed75a88617>
[]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.89
0.98
18
7,273
tlsh:T1EAD16DE16800CB8BC5F3C099DAD19E356CC168070622B220CEC9F5701252059EEFCD63AEFFE9158AB4EB1611E1727B10694AFDE9607DABD7605200612D3F39DD36A076D2EE
Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит аусуратә еилацәажәара анхамҩатә проблемақәа рыӡбара иазку, лымкаала ихьчам атәылауаа анхарҭа ҭыҧқәа рыҭара азҵаара. Аилацәажәара иалахәын ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа, Апрокурор хада Алеқсеи Аламиа, Ахада Иусбарҭа, Апрокуратура хада, Аҟәа ақалақь анхамҩатә усбарҭа, аекономикатә ацәгьоурақәа рҿагыларазы Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистрра аусбарҭа аусзуҩцәа. Ирылацәажәан зхашәалахәу ҳаракым атәылауаа, альготақәа змоу атәылауаа, иара убас 1992-1993 ш.ш. Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәеи, иҭахаз аветеранцәа рҭаацәеи, аветеранцәеи, ахшарарацәа змоу аҭаацәарақәеи, иқәыҧшу аҭаацәарақәеи рзы икоммерциатәым анхамҩатә фонд ашьақәыргылара иацу апроблемақәа. Ахада иаҵшьны иазгәеиҭеит анхамҩатә проблема ҕәҕәала ишықәгылоу, уи аӡбаразы мҩақәас иҟоугьы. «Даара акыр ҵуеит ари азҵаара иахәҭоу зҿлымҳара аҳамҭоижьҭеи. Аҭагылазаашьа уадаҩуп, иҟаҵатәугьы рацәоуп, аха акраҵанакуеит уажәы альготақәа змоу атәылауаа закәанла, қәнагала анхарҭа ҭыҧқәа рыҭара апроцесс ахацыркра. Ҳара иара убас ҳаплан иалаҳҵоит, абиуџьет аҟны иагьаҳарбоит анхарҭа ҭыҧ ҿыцқәа рыргылара, ҳфинанстә лшарақәа ҳасаб рзуны», - иазгәеиҭеит Ахада. Рауль Ҳаџьымба ахада ихаҭыҧуаҩ идиҵеит анхарҭа ҭыҧқәа реихшара иазку аҳәынҭқарратә комиссиа аҧҵаразы ажәалагалақәа разырхиара. Уи иазгәеиҭеит хатәгәаҧхарала ауадақәа раанкылара шыҟамло атәы. Арҭ азҵаарақәа аҳәынҭқарра иаӡбалоит азакәан инақәыршәаны мацара. «Аибашьра ашьҭахь ҳзықәныҟәоз «иаанкылоуп» апринцип шьҭа аус ауӡом», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба. ,p>Витали Габниа ажәалагала ҟаиҵеит ҿыц иаҧҵахо аҳәынҭқарратә комиссиа аусура хырхарҭа хаданы иазгәанаҭарц шахәҭоу аҳәынҭқарратә баланс аҟны иҟоу анхарҭа ҭыҧқәа рҳәаақәҵара, иара убас анхарҭа ҭыҧқәа роуразы агәаран иқәгылоу рсиа еиҭа ахәаҧшреи ихьчам атәылауаа рынхарҭатә ҭагылазаашьа аиҕьтәразы аусхкқәа рымҩаҧгареи. Аҳәынҭкомиссиа аҧҵаразы Аусҧҟа хара имгакәа иаҵаҩхоит. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2365/
2024-02-29T08:56:50Z
<urn:uuid:b0d2d72d-7b75-4241-9984-12a3fd9a4c4f>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.91
0.86
0.97
14
4,305
tlsh:T15FB1A7917540CB8BC6B3C449DA818E352CD15842073372608ECAF0B1574609AEBFCD13DAFBE4084AA0EB0515E256BF55690AECEA247E6AE3604141A57D3F78DD37A476C2EE
Шьалуа Папуашвили – Абҵара 8 Илиа Ҷавҷаваӡе имшироуп, насгьы, иахьа Қырҭтәыла Еврокомиссиантә иазыҧшуп атәыла европатәи аҧеиҧш иазку аҳасабырба, абарҭ ахҭысқәа машәырла акәӡам ишеиқәшәаз - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Шьалуа Папуашвили – Абҵара 8 Илиа Ҷавҷаваӡе имшироуп, насгьы, иахьа Қырҭтәыла Еврокомисси... Иҵегь аҭагалара Шьалуа Папуашвили – Абҵара 8 Илиа Ҷавҷаваӡе имшироуп, насгьы, иахьа Қырҭтәыла Еврокомиссиантә иазыҧшуп атәыла европатәи аҧеиҧш иазку аҳасабырба, абарҭ ахҭысқәа машәырла акәӡам ишеиқәшәаз 10:42, 08.11.2023 Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ақырҭуаа ревропатәи хықәкқәа иалкаау ахьчаҩ, ари аидеиа анагӡаҩ Илиа дуӡӡа имшира аҽны ҳаҧсадгьыл иахәҭоу аҭак шаиуа, – иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы. Шьалуа Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, Илиа Ҷавчаваӡе Қырҭтәыла егьырҭ европатәи амилаҭқәа рыгәҭа ибар иҭахын, иахьа игәахәтәы нагӡахоит. „1837 шықәса абҵара 8 рзы диит ҳаамҭазтәи Қырҭтәыла ҳәаақәызҵаз, аҧсы ҭазҵаз Илиа Ҷавҷаваӡе. Насгьы, иахьа Қырҭтәыла Еврокомиссиантә иазыҧшуп атәыла европатәи аҧеиҧш иазку аҳасабырба, абарҭ ахҭысқәа машәырла акәӡам ишеиқәшәаз. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ақырҭуаа ревропатәи хықәкқәа иалкаау ахьчаҩ, ари аидеиа анагӡаҩ Илиа дуӡӡа имшира аҽны ҳаҧсадгьыл иахәҭоу аҭак шаиуа; ҳтәыла ари астатус ахәҭоуп европатәи ацивилизациа аҧҵара иалахәыз, ибеиаӡоу атрадициақәеи акультуреи змоу, Европеи Азиеи рымҩахысырҭаҿ ишьҭоу афеномен ҷыдеи, насгьы, раҧхьа иргыланы, ауаҩы иаҳаҭыр иреиҳаӡоу аҩаӡарашҟа ахьышьҭыху атәыла ҳасабала. Ҳҳәынҭқаррара аиҭаргылара Илиеи ихаан иҟаз ауаа дуқәеи ирыбзоуроуп, аха, Илиа ари апроцессаҿ хәы змам алагала ҟаиҵеит. Илиа ҳмилаҭтә ҷыдарақәеи ҳаҧсадгьыл ахақәиҭреи ахьчара зхы ақәызҵаз ҳџьынџьуаа драҧхьагылаҩуп, иара амилаҭ ирцәыӡхьаз аҧсадгьыл рызирхынҳәит. Иахьа Илиаоба аҵакы ҷыда амоуп, избанзар, Илиа Ҷавчаваӡе Қырҭтәыла егьырҭ европатәи амилаҭқәа рыгәҭа ибар иҭахын, иахьа игәахәтәы нагӡахоит. Ҳара Европа ҳҭахуп, Европагьы Қырҭтәыла аҭахуп!“ – иҩит Шьалуа Папуашвили. АПОЛИТИКА Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили 5 Еиҧшу Шьалуа Папуашвили – Сара аглобалтә коррупциа азҵаарақәа рзы Америка Аҳәынҭқарратә департамент акоординатор Ричард Непиу иҟны аиҧылара бзиа мҩаҧызгеит, иара Қырҭтәыла апрогресс ибзианы дахцәажәеит Шьалуа Папуашвили – Илиа II ақырҭуа доуҳатәреи амилаҭтә хдырреи арҕәҕәараҿы хәы змам алагала ҟаиҵеит Шьалуа Папуашвили – Ахадаратә ҵакы змоу 2 шьаҿак рҟынтә ак ҟаҵоуп, акандидат астатус ҳаухьеит, ҳара активла аусура наҳагӡоит ҳтәыла Евроеидгыла алахәылас иҟаларцаз Шьалуа Папуашвили – Евроеидгыла иалоу еиуеиҧшым атәылақәа рыбжьара уажәазы имҩаҧысуа адискуссиа Қырҭтәыла иаҧырхагахом, Қырҭтәыла ауааҧсыра аӡбара иаша иазыҧшуп Шьалуа Папуашвили – Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара астратегиатә партниорра ҳахәаҧшуеит командак аусура аҳасабала Шьалуа Папуашвили аофициалтә визитла Бақәаҟа ддәықәлеит Шьалуа Папуашвили – Импыҵахалоу Гал ампыҵахаалара агәымбылџьбара аазырҧшуа ихьанҭаӡоу даҽа фактк ҟалеит Шьалуа Папуашвили – Европатәи ахеилак Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи ирыдҳәаланы Еврокомиссиа иҟанаҵаз абжьагара иазҧхьагәанаҭап ҳәа ҳгәыҕуеит Шьалуа Папуашвили – Вашингтон имҩаҧысуа асаммит аан Қырҭтәыла адгылара ҕәҕәа азаарҧшызароуп, Қырҭтәыла, апараметрқәа зегьы рыла алахәызааразы ихиоуп, НАТО аполитикатә аӡбара аднакылароуп Шьалуа Папуашвили – НАТО Евроеидгыла азнеишьа рхы иадырхәароуп, акритериқәа ҳарҳәароуп, уи аҵакы ду амоуп, избанзар, апрогресс аныҟалалак, дара аӡбара шрыдыркыло аадыруазароуп Амш зеиҧшрахо -1° Ах Қaрҭ аҧшь -1° ахә 0° Авалиута акурс $ USD 2.6562 0.004 € EUR 2.8820 0.006 ₽ RUB 0.028893 0.017 £ GBP 3.3686 0.006 TOP 5 Испаниа аԥыза-министр Илиа Ҭоԥуриа диԥылеит Иракли Кобахиӡе Павел Герчински диԥылеит Иракли Кобахиӡе Швеицариатәи аконфедерациа ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит Павел Герчински - Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа Евроеидгылеи Қырҭтәылеи ирзеиԥшу ахәынаӡарақәа реиқәыршәараҿы ахадаратә роль нарыгӡоит
https://1tv.ge/lang/ab/news/sh%D1%8Calwa-papwashvili-abcara-8-ilia-tchavtchavadze-imshirowp-nasg%D1%8Cm-iax%D1%8Ca-qmr%D2%ADtmla-evrokomissiant-iazmphshwp-atmla-evropati-aphe/
2024-02-28T02:37:50Z
<urn:uuid:6374e519-ef2a-4f33-8762-a1c32f1fe1a6>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.6
0.96
53
7,387
tlsh:T1B58A5AE19B48DB0BD573C519DF918A327CD27A06836262A0CDD5F8316646188EFFCD03A9FAE90A1E709B1411E123BF202649FCE769BEFBE7604500B55D3F39DD236836899E
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиҳабыреи Ахада Иадминистрациеи рнапхгара алархәны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит. Аилацәажәараан иахәаԥшын асоциалтә-економикатә ҿиареи аинвестпрограмма анагӡареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа. Аилацәажәара алахәцәа адырра ҟарҵеит аҳәынҭқарра Ахада изыӡбақәеи инапынҵақәеи аҭыԥаҟны рынагӡара шымҩаԥысуа азы. Иара убас иалацәажәеит ДЖӘР-еи ЛЖӘР-еи рхәыҷқәа рзы агуманитартә цхыраара аиҿкаареи ашьҭреи ирызкыз азҵаара. Аслан Бжьаниа иаҵшьны иҳәеит Ахада иҟаиҵаз адҵақәа рынагӡара зду аусбарҭақәа русеицура аҭахны ишыҟоу. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15195/
2024-03-02T04:00:40Z
<urn:uuid:25947da7-a7a4-4c83-a4fa-94e86f448c3c>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.8
0.82
0.94
11
1,884
tlsh:T181B0EF415A40CB8BD1B3C09ADA814A389CC158464672B750CE89F5B10642049EBFCC12E6FBE5154BB8E71601D1A6BB10A80CFDE9297E6BD7304211A12D3F78CC37D07AC5AE
Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу «Аекологиа аинститут» аиҳабы, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ актәи апроректор, адоцент Роман Дбар. Aхәаша, 23 Жәабран 2024 14:08 Аԥсуа поет, аҵарауаҩ ду, афилологиатә тҵаарадыррақәа ркандидат Владимир Анқәаб. Иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы, жәабран ҩажәи хԥа рзы ихыҵуан 96 шықәса. Аԥсуа поет, аҵарауаҩ ду, афилологиатә тҵаарадыррақәа ркандидат Владимир Анқәаб. Иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы, жәабран ҩажәи хԥа рзы ихыҵуан 96 шықәса. Aҧшьаша, 22 Жәабран 2024 19:32 Абыргцәа рхеилак, уи афункциа, иахьа инанагӡо ароль. Aхаша, 21 Жәабран 2024 12:50 Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» изкуп аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, аҵарауаҩ, Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлыиа. Сынтәа иара дижьҭеи 150 шықәса ҵит. Aшәахьа, 19 Жәабран 2024 18:48 Мадина Шьоуаԥҳа: «Аҭаацәеи ахшареи аилибакаареи агәрагареи рыбжьазароуп.Уи даара ихадароуп ,уи аныҟамла аизыҟазаашьа уадаҩхоит» Aхәаша, 16 Жәабран 2024 14:05 Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа. Aхаша, 14 Жәабран 2024 16:07 Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Аԥсны Жәлар рартист Борис Амҷба. Aшәахьа, 12 Жәабран 2024 18:16 Викториа Џьниаԥҳа: «Арҵаҩы ахәыҷқәа рахь абзиабареи аилкаареи анимоу иусура лҵшәадахоит,ахәыҷгьы ҩныҵҟала иныруеит» Aхәаша, 09 Жәабран 2024 13:02 Аԥсны Жәлар рартистка, «Аԥсуа ҟармаҵыс» ҳәа изышьҭаз, раԥхьаӡтәи аопертә шәаҳәаҩы Лиудмила Логәуа илызкуп адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи». Сынтәа Лиудмила Логәуа илхыҵуан 85 шықәса.
https://www.radio.apsny.land/ap/proekty-2
2024-03-01T14:29:54Z
<urn:uuid:47fafcc5-515b-4ddf-85eb-c0b5818a9ab6>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.87
1
0.98
10
2,597
tlsh:T14212E351AD00CB8BD3F3C445DA918C352CD229924273B221CED8F1502121199EFFCE12A8FAE81645B4EB1271E542EE15596AFCF955BD6EC731415491792E35DE274433E18E
Азеиҧш нхарҭатə ҩны аиҳабы Зураб Амҷба ҳара иаҳирбеит ахыбра, уи еиқəыршəоуп астудентцəа рынхара аиҕьтəразы ҳаамҭазтəи астандартқəа ирықəыршəаны. Араҟа иҟоуп аҧсшьарҭатə уадақəа, аспортзал, абиблиотека, ашəҟəыҧхьарҭатə зал, амедеицинатə уада раҧхьатəи ацхыраара роурц ахьрылшо. „Жəларбжьаратəи афонд Аҧсны“ ҩаҧхьа ацхыраара анаҭалоит ААУ азеиҧш нхарҭа, аҭагылазаашьа бзиақəа ахьаҧҵо инаҷыданы, иҟаҵатəқəоу ыҟоуп, иаҳҳəозар аспорттə дəы, иара убас егьырҭ ауадақəагьы. Аҿар Асоциалтә Инарҭбааны 28/09 2017 Аҟәатәи ақәыҧшцәа рыҩны апроект «Апрофориентациа ацентр» афинанстә цхыраара аиуит афонд аҟынтә Аҟәатәи ақәыҧшцәа рыҩны апроект «Апрофориентациа ацентр» напхгара алҭоит аҧсихолог, асеқциа аиҳабы Хаҭуна Лагәуаҧҳа. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ари апроект адгылара анаҭеит. Аноутбукқәа хәба ҳамҭас иананашьеит. Ари ацентр хықәкыс иамоуп ахәыҷқәеи, аҿари рзаанаҭ алхраҿы ацхыраара рыҭара. Апроект аусура иабзоураны, Аҧсны иаатуеит раҧхьатәи аусбарҭа, еизҳауа абиҧара рзаанаҭ алхраҿы ацхыраара рызҭо. Аҿар Асоциалтә "Адырра ҿыц" Инарҭбааны 25/07 2017 «Ани амаалықьи» ​«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭа ҩынтәуп иаҭаауеижьҭеи Гәниаа рҭаацәа. Апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭаацәа реиҳабы Рустам Гәыниа, раҧхьа ииз ихәыҷы изы шықәсык аҧхьа иоухьан аҳамҭа, усҟан афонд аусуцәа ажәа риҭеит шықәсык анаҩс ҩаҧхьа дшаауа, ус егьыҟалеит. Иахьа, уи инапы иаркын Амелиа Гәниаҧҳа хәыҷы лзы аҳамҭа. Ҳарҭ даара гәахәас иҟаҳҵоит ҳфонд аҧсуа ҭаацәарақәа анаҭаауа, ҿыц ииз рыхшара рыхьӡала адныҳәалара аныҟаҳҵо, аҳамҭақәа анранаҳшьо. Аҿар Асоциалтә «Ани амаалықьи» Инарҭбааны 29/06 2017 Евразиатәи ажәларқәа раҧхьатәи рфорум Лаҵарамза анҵәамҭазы, Москва ақалақь аҟны имҩаҧысит Евразиатәи ажәларқәа раҧхьатәи реизара. Аҧснынтә уи далахәын "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахаҭарнак занааҭла економисту Алиас Ҳашба. Евразиатәи афорум хықәкыс иаман абиҧара ҿыц реидкылара. Зегь раҧхьаӡа иргыланы ажәларқәа реиҩызара, аменеџьмент азы амастер классқәа рымҩаҧгара, иара убас аизыҟазаашьақәа рзы адыррақәа рыҭара. Алиас Ҳашба, афорум аусура алкаақәеи алҵшәақәеи дырзааҭгыло иазгәеиҭеит: Адәныҟатәи Аҿар Инарҭбааны 18/05 2017 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Мықә ақыҭа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго есымзатәи апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны уи аусура иацҵан Очамчыра араион Мықә ақыҭан. Апроект аҧҟарақәа инарықәыршәаны, аҧсуа школқәа аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәнаршәоит. Иахьа, Гьаргь Чачба ихьӡ зху Мықәтәи актәи абжьаратә школ аҵаҩцәа аҳамҭақәа рызнаргеит афонд ахаҭарнакцәа Симон Агрбеи, Роман Қапбеи. Ари аус аҟны афонд адгылара анаҭеит Ҭемыр Логәуа еиҳабыс дызмоу аиҿкаара «Морпром». Асоциалтә Аҿар «Агәамч» - Аспорт Инарҭбааны 21/11 2016 Аҧснытәи ахәыҷқәа Шәача имҩаҧысуаз ахоккеитә еицлабра иахәаҧшуан Абҵарамза 19, асабшаҽны , Аҧснытәи ашкол хәыҷқәа Шәача имҩаҧысуаз Салават Иулаев ихьӡ зху ахоккеитә клуби, Шәачатәи ахоккеитә клуби рыбжьара ицоз аицлабра иахәаҧшуан. Ахәыҷқәа ас еиҧш иҟаз агәырӷьаратә ҟазшьа змаз аныҳәа рзеиҿнакааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», ҳџьынџьуаҩ Енвер Лисини , уи иацыз ахарџьқәа зегьы иара ихахьы игеит. Енвер Лисин, Салават Иулаев ихьӡ зху ахоккеитә клуб ажәылаҩыс дыҟоуп. Аицлабра цонаҵы, аҧсуа хәыҷкәа, ахоккеитә матч аҿы ихәмаруаз Енвер Лисин изы ргәы былуан, иара идгылан. Иара ицәырҵра зегьы иацын абас еиҧш иҟаз аҿыҭбжьы: «Лисин, Лисин, Лисин». Асоциалтә Аҿар Акультуреи Аҵарадырреи Инарҭбааны 16/11 2016 Ашьапылампылтә клуб «Самырзаҟан» азы ашәҵатә форма ҿыцқәа Иахьа, апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Галтәи ашьапылампылтә команда « Самырзаҟан» 20 комплект инареиҳаны ашәҵатәы формақәа ҳамҭас иананашьеит. Афонд аофис иаҭааз ашьапылампылтә клуб «Самырзаҟан» азыҟаҵаҩ, иара убас Гал ақалақь аҿари аспорти рхеилак анапхгаҩы, насгьы ашьапылампыл асыҩцәа қәыҧшцәа, афонд ахада Сенер Гогәуа аҧхьа днаргыланы уи аусзуцәа зегьы ҭабуп ҳәа рарҳәеит иҟарҵаз ацхырааразы, иазгәарҭеит аспорттә иааирақәа ргаразы аҽазышәарақәа шыҟарҵо. Аҿар «Агәамч» - Аспорт Инарҭбааны 11/11 2016 Апроект «Атеатри ахәыҷқәеи» аусура иацнаҵеит Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Тҟәарчали Гәдоуҭеи рраионқәа рҟынтә, иара убас Ҭырқәтәылантә, Сириантә, Иорданиантә, Баҭымынтә зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ихынҳәыз абжьаратә школқәа рҟны аҵара зҵо 100-ҩык аҵаҩцәа ааҧхьара рыҭан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр ахь. Урҭ ирыцын арҵаҩцәеи, афонд ахьӡала араионқәа рҿы аус зуа ахаҭарнакцәеи, «Жәларбжьаратәи афонд» аусзуцәеи. Аҵаҩцәа алшара рыман Самсон Ҷанба ипиеса иалху «Амҳаџьырцәа» ала иқәыргылоу аспектакль ахәаҧшра. Аҿар Акультуреи Аҵарадырреи «Атеатри ахәыҷқәеи» Инарҭбааны 28/10 2016 Апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Гал араион Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа Гал араион иаҭааит, афонд имҩаҧнаго есымзатәи апроект «Агәамч» анагӡаразы. Галтәи актәи абжьаратә школ азы, афонд ахаҭарнакцәа Симон Агрба, Роман Қапба, Есма Ҭарҧҳа, афонд ахьӡала аҵаҩцәа рзы аспорттә маҭәахәқәа рызнаргеит. Уажәшьҭарнахыс урҭ алшара рымоуп бзиа ирбо аспорттә хәмаррақәа рымҩаҧгара. Уи аҵакы азгәаҭаны, ашкол адиреқтор Манана Владимир-иҧҳа Абыхәба, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа аҧхьа днаргыланы, ҭабуп ҳәа ралҳәеит афонд имҩаҧнаго, хра злоу ауснагӡатәқәа рзы. Асоциалтә Аҿар «Агәамч» - Аспорт Инарҭбааны 05/10 2016 Апроект «Агәамч» аусура иацҵоуп Гәдоуҭа араион. Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа аҭааит Гәдоуҭа араион, есымза афонд имҩаҧнаго апроект «Агәамч» анагӡаразы. Ҳазҭоу амзазы афонд ахьӡала, аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәыршәахеит Гәдоуҭатәи актәи абжьаратә школ. Аҳамҭақәа рыманы ари ашкол иаҭааит афонд ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа, афонд аусзуцәа Роман Қапба, Симон Агрба, Саида Кәарацхьелиаҧҳа.
http://www.fondapsny.org/ab/proekty/achar
2024-03-01T08:13:48Z
<urn:uuid:97699f03-11bb-423e-982d-f3e2b494ad94>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.75
0.98
44
10,455
tlsh:T1E11D56229940DB4BD6B3C459DBC28E351CD09C17827272248ED9F4751142089FEFDC13ADBAFD0A4AB4DB1126D261BA01660AFCEA297DBFE3719300A16D3F38DE169876C5AE
Ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза алагамҭазы Ахада Рауль Ҳаџьымба усуратә визитла Урыстәылатәи Афедерациа Удмуртиатәи Ареспублика даҭааит. Ари авизит алҵшәақәа ируакны иҟалеит ахәаахәҭра-економикатәи акультуратәи усецуразы Амеморандум анапаҵаҩра. Уи рнапы аҵарҩит Удмуртиатәи Ареспублика Ахада Алеқсандр Соловиови Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Дмитри Серикови. Арҭ аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡараззы Удмуртиатәи аган аҧсуа ган иаднагалеит Удмуртиатәи Ареспубликеи Аҧсни 2015-2017 шықәсазтәи русеицура арҿиаразы апроект. Аусмҩаҧгатәқәа разҧхьагәгаҭаҟны иарбоуп ҩ-ганктәи инарҭбааны аимадара иаҵанакуа азеиҧш проектқәеи ахырхарҭақәеи. Иазгәаҭоуп иалкаау аусмҩаҧгатәқәа жәпакы ахәаахәҭра-економикатәи аинвестициатәи усеицура арҿиара, акультура, аҵараиура, аспорт, атуризм иадҳәалоу аҟәшақәа рыҟны аусеицуразы. Аҩ-ганкгьы еиҳа хырҩа арҭараны иҟоуп ахәаахәҭра-економикатәии аинвестициатәии усеицура арҿиара. Иазгәаҭоуп ари аҟәшаҟны қәҿиарала аусеицура алыршаразы: аекономикатә форумқәа – аекспертцәеи аминистрцәеи алархәны; on-line аҟны ахәаахәҭра-економикатәи аинвестициатәи лшара ацәыргара; абжьараҿҳәара аҭаны 2015-2017 шш. рзы имҩаҧгатәу ахәаахәҭра-економикатәи хырхарҭақәа рышьақәыргылара; анхамҩатә обиектқәа рыбжьара наҟ-ааҟ феида зоууа, аҧхьаҟа ҧеиҧш змоу аиқәшаҳаҭратә еизыҟазаашьақәа раҧҵара; Аҧсни Удмуртиеи рыбжьара Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа рыбжьара аусеицура арҿиара, иара убас Аҧсны Урыстәыла имҩаҧысуа ацәыргақәҵа-џьырмыкьатә, аҿыццәыргаратә усмҩаҧгатәқәа радҧхьаларазы зыда ыҟам алшарақәа раҧҵара. Абри анаҩс Аусмҩаҧгатәқәа разҧхьагәаҭа апроект аҟны ҷыдала зҿлымҳара рыҭоуп Аҧсни Удмуртиеи (Урыстәылатәи Афедерациа) рминистррақәеи русбарҭақәеи рыбжьара аҧышәеимдара азҵаарақәа. Имҩаҧгалахоит иеиуеиҧшым ақәрақәеи азанааҭқәеи змоу ауаа зҵазкуа агәыҳалалратә усеицура. Иазҧхьагәаҭоуп акультуратә, аҵараиуратә, амедицинатә, аспорттә ҟәша аусзуҩцәа ирыдҳәалоу аиҧыларақәеи афорумқәеи. Иазгәаҭоуп Аҧсни Удмуртиеи (Урыстәылатәи Афедерациа) рыбжьара аинформациатә еимадара аиҿкаара. Ара иазгәаҭоуп аинформациа инадҳәаланы ҩ-ганктәи аусура адагьы, Урыстәылеи уи анҭыҵи Аҧсны иазку иҵоуроу агәаанагара ашьақәыргылара иазку аинформациа аиҿкаара. Урыстәылатәи Афедерациа Удмуртиатәи Ареспубликеи Аҧсни рыбжьара аусеицура арҿиара иазку 2015-2017 шш. Азҧхьагәаҭа рнапы аҵарыҩраны иҟоуп Удмуртиа 2015 шықәса жьҭаара 13 инаркны 16–нӡа имҩаҧысраны иҟоу Иеиду Жәларбжьаратәи афорум (II Жәларбжьаратәи абизнес-форум «Удмуртиа иҟоу абизнес-цҳаи» IV «Удмуртиатәи Ареспубликаҟны аинвесторцәа рымчыбжьи») рыҟны. «Удмуртиатәи Ареспубликаҟны аинвесторцәа рымчыбжь» иаднаҧхьалоит Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа рхаҭарнацәа рыдагьы Австриа, Азербаиџьан, Германиа, Гана, Чехиа, Ҭырқәтәыла уҳәа аҳәаанырцәтәи абизнесуаа. Ари афорум Аҧсны алшара Удмуртиеиҧш егьырҭ атәым тәылақәа рбизнес-уаажәларраҟны аарҧшаразы ҭагылазаашьа бзиоуп.
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2419/?print=Y
2024-02-22T20:12:46Z
<urn:uuid:25058415-386b-43ea-8065-546ad163f900>
[]
[]
abk-Cyrl
0.99
1
0.99
9
5,256
tlsh:T1D15A0AB17D44CB5FC5B3C18489915F3528D0590B8376B231CED9F4A4165204EEFFCC136AFAE80ACA74DB1612C262AE146E4AFCDA657D7BD7611700E06D2E34E9339876C2EE
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Жәлар рартист, Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр арежиссиор Никәала Чқәан иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иҭынхацәа дрыдышшылеит. Адышшыларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп: «Гәалсра дула срыдышшылоит зыҧсҭазаара иалҵыз иналукааша Аԥсны акульутра аусзуҩы, Аԥсны Жәлар рартист, Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы Никуала Чқәан иҭынхацәа. Никуала Константин - иҧа еиԥш аҟаза ду иԥсҭазаара иалҵра цәыӡ дууп аԥсуа культуразы. Аҟаза иаамысҭашәара, имаз даҽаӡәы иламҩашьоз асценатә хаҿсахьа, еснагь аԥсҭазаара абзиабара, аԥхарра зныԥшуаз илафҳәашьа ҷыда ирыбзоураны дыззаҧсоз Аҧсны жәлар наӡаӡа ргәалашәараҟны даанхоит. Иԥсаҭа бзиахааит Никәала Константин-иԥа.» Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/13527/
2024-02-24T19:39:44Z
<urn:uuid:94f9849f-a24a-4cff-b5e4-eab5745e808e>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.83
0.85
0.95
13
2,224
tlsh:T19DDB84418D80DB8BD9B3E49E9E424E35ACD1581B52613764CEC9B0B052C219DFFFCC13DADAE42607B8FB5411D6623B10694EDCEA54BDAAD330C300A2292F38E9239576E15F
Николаи Иаков-иԥа Марр (ақырҭ. ნიკოლოზ იაკობის ძე მარი, аур. Николай Яковлевич Марр; ԥхынҷкәынмза 25, 1864 ш. (ажьырныҳәамза 6, 1865 ш.), Қәҭешь, Урыстәылатәи аимпериа – ԥхынҷкәынмза 20, 1934 ш., Ленинград) — Урыстәылатәии асоветтәии мрагылараҭҵааҩ, кавказдырҩы, афилолог, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, археолог, Аимператортә ҵарадыррақәа ракадемиа академик (1912 ш.), анаҩс СССР аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ. Ареволиуциа ашьҭахь даара деицырдыруа дҟалеит «иҿыцу абызшәадырра» аԥҵаҩыки, мамзаргьы «аиафеттә теориа» аԥҵаҩык иаҳасаб ала. Ауааԥсыра дырдыруан, иара убасгьы, апоет-ақәышьқьырраҩ, мрагылараҭҵааҩы, Иури Марр иаб ҳәа. Зыхьӡ нагоу алингвист, кавказҭҵааҩ Николаи Марр иҭҵаарадырратә ҭынха аҵарауаа еиуеиԥшымкәа иазнеиуеит, иара Марр ихаҭарагьы убас, аха ус шакәугьы, иара, жәаҳәарада, иналукааша ҵарауаҩ дуун. [1] Анысымҩа[аредакциазура | акод аредакциазура] Николаи Марр (1905 ш.) Николаи Иаков-иԥа Марр диит 1864 шықәса Ԥхынҷкәынмза 25 рзы Қәҭешь ақалақь, ашотланд Иаков (Џьеикоб) Монтегиу-Марри ақырҭуа ҭыԥҳа Агафиа Магулариеи рҭаацәараҿы. Иаков акыраамҭа Қырҭтәыла дынхон, ачаиааӡара инапы алакын. Уа дахьыҟаз 60 шықәса рыла иеиҵбыз ақырҭуа ҭыԥҳа ԥҳәысс дигоит: усҟан иара 80 шықәса ихыҵхьан, лара 20 шықәса дырҭагылан. Уимоу, Иакови Агафиеи рбызшәагьы еибакуамызт: иара англыз бызшәеи афранцыз бызшәеи иҳәон, ақырҭшәа издыруамызт, лара лакәзар – ақырҭшәа ада даҽа бызшәак лыздырамызт. Абас збызшәа еибамкуаз ани аби иаԥырҵаз аҭаацәараҿы диит заԥхьаҟа илингвистхараны иҟаз Николаи Иаков-иԥа Марр. Ан лԥа даара дихӡыӡаауан, бзиа дылбон, лыԥсы зегьы иҿҳәаран, агәра лгон зегьы дызларылукааша ак илоуп ҳәа. Марр ихатәы бызшәас ииԥхьаӡоз ақырҭшәа акәын, аха хылҵшьҭрала уеизгьы Британиа Ду датәын.[2] Абызшәақәа разҿлымҳара[аредакциазура | акод аредакциазура] Николаи Марр дшыхәыҷӡаз атәым бызшәақәа рҵараҿы абаҩхатәра дуӡӡа ааирԥшуан. Аҩбатәи акласс аҿы аҵара аниҵоз, иара илшеит аурыс бызшәа ҵаны, уи абызшәала раԥхьатәи ашәҟәы аԥхьара. Аҵара ахьиҵоз Қәҭешьтәи агимназиахь даара имаҷны дныҟәон, зны-зынла асеместрқәа бжьаижьуан, аха ус шакәызгьы, абызшәақәа рзы ахәшьара ҳаракӡақәа иманы, класск аҟынтә даҽа класск ахь диасуан. Абызшәақәа иара ихала иҵон. Еиҳаракгьы абырзен бызшәа даара игәаԥхон, дазҿлымҳан, игәцаракны иман. 1884 шықәсазы Николаи Марр хьтәы медалла агимназиа далгеит, анаҩс Петербургтәи ауниверситет мрагыларатәи абызшәақәа рфакультет дҭалоит. Марр истуденттә шықәсқәа раан, аамҭак азы мрагыларатәи абызшәақәа рфакультет иаҵанакуаз ԥшь-ҟәшак рахь дныҟәон. Иара илшоит афакультет аҿы иддырҵоз абызшәақәа зегьы рҵара, ргәынкылара. Иара убасҟан ауп ихаҿгьы ианааиз кавказтәи абызшәақәа, хаҭалагьы ақырҭшәа, асемит бызшәақәа хылҵшьҭрала ирзааигәоуп ҳәа агәаанагара. Абри игәаанагара нас дышнеи-шнеиуаз иԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадараз теорианы иҟалеит, аҿиара аиуит. Ауниверситет даналга аамышьҭахь, заԥхьаҟа иҵарауаҩхараны иҟаз Марр Петербургтәи ауниверситет аҟны ақырҭуа, аерман бызшәақәа ркафедраҿы рҵаҩыс аусура далагоит. Аамҭак ашьҭахь, иара ари ауниверситет дапрофессорхоит, 1911 шықәсазы – Мрагыларатәи афакультет адеканс дҟалоит.[3] Иҿыцу абызшәадырра[аредакциазура | акод аредакциазура] Николаи Марр «иҿыцу абызшәадырра» аԥҵаҩыс дыԥхьаӡоуп, уи даҽакала «аиафет теориа» ҳәагьы иашьҭоуп – Абиблиа иалоу Нои ахԥатәи иԥа Иафет ихьӡ иахьырԥшны. 1923 шықәсазы Марр ицәыригаз итеориа инақәыршәаны, адунеи абызшәақәа зегьы «ԥшь-елементк» ирхылҿиааит. «Аиафет бызшәақәа» генетикатә акзаарак еиԥш акәымкәа, акласстә акзаарак еиԥш ирыхәаԥшуп. Абасала, Марр излаилшоз ала абызшәадырреи, усҟан аӷәӷәахара иаҿыз амарксизми еидиҳәалар иҭахын. Марр «аиафет бызшәақәа» ирхиԥхьаӡалон ақырҭшәа, агыршәа, ашәаныуа бызшәа, аҷан бызшәа, ашьҭахь даҽа акык-ҩбак иԥсхьоу абызшәақәагьы уахь иалаиҵо далагеит, урҭгьы асемит бызшәақәа ирзааигәоуп ҳәа ыршаҳаҭуа. Егьырҭ аҵарауаа-алингвистцәа Марр игипотезақәа акритика ӷәӷәа рзыруан, аҭҵаарадырра иаҿагылоит, «хыҭҳәаауп» ҳәа рҳәон. Николаи Марр иԥсихика уашәшәыроуп ҳәагьы гәҩарас дҟарҵо иалагеит, аха ус иҟаҵәҟьазу, иҟамзу аӡәгьы ишьақәимыргылеит. Аамҭак азы Марр итеориа ақәҿиареи азхаҵареи аманы иҟан, Асовет Еидгыла ахада Иосиф Сталин адгылара аиҭеит аҟынтә. Уи Марр итезисқәа ахархәарагьы риҭеит 1930 шықәса ԥхынгәымзазы имҩаԥысыз Аидгылазегьтәи акоммунистцәа рпартиа ажәафтәи реизара ду аҿы иқәгылара аан.[4] Заатәи илингвистика[аредакциазура | акод аредакциазура] 1908 шықәсазы Николаи Марр ажәытәӡатәи аерман бызшәа аграмматика ҭижьит, 1910 шықәсазы – аусумҭа «Аҷан бызшәа (алаз бызшәа) аграмматика, ахрестоматиеи ажәари рыцны», уи ааҵарауаа даара ахә ҳаракны иршьеит. Николаи Марр инаукатә усура алагамҭазы, 1880 - тәи ашықәсқәа рзы, Кавказтәи абызшәақәа ргенетикатә еимадарақәа рызҵаарақәа дрызҿлымҳахеит, акыр агипотезақәа ықәиргылеит асемиттәи абаски бызшәақәа реизыҟазаара (уи азын анҵамҭа ҟаҵан 1908 шықәсазы) аганахьала. Николаи Марр игипотезақәа реиқәымшәара, усҟантәи аамҭазтәи адыррақәа рыла, аиҿырԥшра-ҭоурыхдырратә бызшәадырра, убас еиԥш агәаанагарахь днанагеит, ас еиԥш аиҿырԥшра-ҭоурыхдырратә бызшәадырра ҟалашьа амам ҳәа, арҭ аидеиақәа еиҳагьы иӷәӷәахеит ареволиуциа ашьҭахь. Усҟан аҭыԥ змаз алингвисттә хырхарҭа младограмматизм акритика азуа, Марр иазгәеиҭеит абызшәатә фактқәа рыҭҵаара аҟны атипологиатәи асоциолингвисттәи знеишьа даара ишхадоу. [5] Аԥсуа бызшәа аҭҵаарақәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Ишдыру еиԥш, Марр аԥсуа бызшәагьы инарҭбааны иҭиҵаауан. Аԥсуа бызшәеи алитературеи ракадемиа аԥҵара Академик Марр иахьибзоуроу даара ирацәоуп. 1912 шықәса, аԥхынразы, Шәантәыла имҩаԥысыз археологиатә експедициа ашьҭахь, иара Аԥсны даҭааит. Дырмит Гәлиеи, Никәа Џьанашьиеи, Николаи Патеиԥеи, Пиотр Ҷараиеи егьырҭ аҭыԥантәи аҵарауааи дрыцны акыраамҭа ара ихигеит. Еиҳаракгьы, Кәыдрытәи ауезд иатәыз Џьгьарда ақыҭан, Ашәы Ҳабыџь иҭаацәараҿы. Абраҟа, раԥхьаӡа акәны, аԥсшәа илымҳа иҭасит, иара ихаҭа ишиҳәаз алагьы, «аԥсуа бызшәа џьгьардатәи ацәажәашьа, еиликаауа аҟынӡагьы днеит». Аԥснытәи ССР ахада Нестор Лакоба иахь ииҩыз асалам шәҟәаҿы Марр иазгәеиҭоит, Ареспубликаҿы хымԥада ишаԥҵатәу аҭҵаарадырратә лингвистикатә еилазаара. «Аҭҵааҩцәа реилазаара рӷәӷәатәуп, еиҳаракгьы ауаҩи, абызшәеи, аепоси, афольклори, ажәлар рҳәамҭақәеи, рашәақәеи, рлакәқәеи, рҵас-қьабзқәеи уҳәа ирызку аҭҵаарақәа мҩаԥызго рыбжьара, аматериалтә культура абаҟақәа рыҭҵаара знапы алаку инараҟараны. Зынӡа ибзиахон (аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара АБНИ аԥҵан 1920 шықәсазы) аԥсуаҭҵааратә секциа иаарласны хыбрак азыԥшаазҭгьы, убраҟа абызшәадырратә, аетнографиатә, археологиатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы алабораториа еиҿкаазар», – ҳәа иҩуан Николаи Марр Нестор Лакоба иахь.[6] 1925 шықәса жьҭаарамза 11 рзы иаартын Абызшәеи алитературеи ракадемиа. Николаи Марр ари академиа аҳаҭыр хьӡы змоу ахантәаҩыс дҟалеит, аха убри аан, уи ахантәаҩыс дыҟан, иара убасгьы, Андреи Ҷоҷуа, уа аус руан еицырдыруаз аԥсуаа Дырмит Гәлиеи Константин Ковачи. 1912 шықәсазы аԥсуа бызшәа аҵара иалагаз Марр иусумҭақәа жәпакы аԥсуаҭҵаара иазикит: «Аԥсуаҭҵаареи аԥсуааи», «Ҩ-елементк рыла ишьақәгылоу аԥсуа ажәақәа рҟынтә», «Кавказҭҵаареи аԥсуа бызшәеи», «Амыругатәи аханатәтәи ападежқәа аԥсшәеи аҟабарда бызшәақәеи рҿы», «Адунеи амҽхак аҭаны абызшәадырра азҵаара ақәыргылареи аԥсуа бызшәеи», «Аҟәеи Тҟәаԥси». 1926 шықәсазы Марр иҭижьуеит «Аурыс-аԥсуа жәар», иара убас еиқәиршәеит алатын шьаҭа змаз аԥсуа аналитикатә алфавит, 77 нбан рыла ишьақәгылаз. Ари алфавит аамҭақәак рзы ахархәара аман, еицырдыруа арккаҩы, аԥсуа литература ауасхыршьҭаҵаҩ Дырмит Гәлиа дназлаз аԥсуа ҵарауаа гәыԥҩык уи маншәалам ҳәа ахырҳәаанӡа. Абри ицәырҵлоз егьырҭ аивгарақәеи рымшала Гәлиеи Марри реизыҟазаашьақәа аибарххара рыбжьалеит.[7] Аҳаҭырқәҵара аҳаракыраҿы[аредакциазура | акод аредакциазура] 1920-тәии 1930-тәии ашықәсқәа рзы Николаи Иаков-иԥа Марр аителлигенциа ахаҭарнакцәа рыбжьара даара ҳаҭыр ду зқәыз уаҩын (иара убасгьы профессионалла алингвистика знапы алакыз рыбжьарагьы). Урҭ зегьы идиԥхьалон мҽхакыла иҭбааз игәаанагарақәа рыла, иқәиргылоз азҵаара ҿыцқәа, зегьы ирылубаауаз ихаҭара уҳәа рыла (марризм анырра даара иӷәӷәан Ленинград, иара дахьынхоз, егьырҭ аҵарадырратә центрқәа рҟны аасҭа). Николаи Марр даара анырра ӷәӷәа риҭеит аӡәырҩы аетногенез, амифологиа, акультурологиа, алитератураҭҵаара апроблемақәа знапы алакыз, урҭ рыбжьара иара анырра ӷәӷәа лиҭеит О.М. Фреиденберг, лара лырҵаҩ иахь ус уҳәар ауазар, адинхаҵаратә цәаныррақәа лыман (анаҩс амарризм алингвистикаҿы ахыбгалара иахҟьаны, лара усурада даанхоит). Еинштеини, Марри, Выготскии планс ирыман аҟазаратә ҵарадырратә лабораториа адкылара амеханизм, ижәытәӡатәиу «апрологиатә хдырреи» уи акинои амассақәеи ирнаҭо анырреи амыругақәа рыҭҵааразы. Николаи Марр Петроград еиҿикаауеит Ифеттәи аинститут (1921), анаҩс уи Николаи Иаков-иԥа Марр ихьӡ зху абызшәеи ахәыцреи иринститутхеит (иахьазы Петербург иҟоу Урыстәыла Аҵарадырратә Академиа (РАН) алингвисттә ҭҵаарақәа Ринститут, насгьы Москва иҟоу Урыстәыла Аҵарадырратә Академиа (РАН) абызшәадырра Аинститут), 1926–1930-тәи ашықәсқәа рзы Марр аамҭаказы Ленинградтәи ашәҟәыԥхьарҭа адиректорсгьы дыҟан. Хәажәкырамза 3, 1930 шықәсазы СССР ҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩс далхын, уи инаркны академиа агәырӷьаратә еилатәарақәа акыр рҟны хантәаҩра иуан. 1929 шықәса инаркны 1934-тәи ашықәсқәа рзы Урыстәыла еиҿкааз Палестинатәи Аилазаара ахантәаҩыс дыҟан. Ари аамҭа иаҵанакуа марристаа ркьыԥхьымҭақәа рҟны иара ихьӡ еснагь ажәақәа «идуӡӡаз», «ирылукаауаз» ацын, иара иоуеит акыр ҳаҭыр зқәу ахьӡ ҳаракқәа, «ҳаҭыр зқәу афлот ҟаԥшь» аҳаҭыртә хьӡы инаҷыданы. Иазгәаҭан, Марр ироль СССР амилаҭ маҷқәа рзы аҩыра аус инапы ахьалакыз (иуниверсалтәыз иара «ианалитикатә алфавит», уи аус адулан ареволиуциа ҟалаанӡа, ахархәарахьгьы иалагалан 1923 шықәсазы аԥсуа бызшәазы, аха аамҭак анаҩс иаԥыхын иахьыманшәаламыз азы), аха иҳәатәуп аҩыра аԥҵаразы аусқәа зегьы Марри уи иааигәа иҟази аламырхәӡакәаны ишымҩаԥысуаз. Николаи Марр инаукатә усура 45 шықәса ахыҵра аан, раԥхьа иара Ленин иорден ианашьан (жьҭаарамза 17, 1933 шықәса), анаҩс иара ихҵан РСФСР зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩы ҳәа ахьӡ ҳаракы (ԥхынҷкәынмза 7, 1933 шықәса). Аха ари аиубилеи Марр ихаҭа далахәымызт, жьҭаарамза 1933 шықәсазы Николаи агәыхь ихигеит, уи ашьҭахь шықәсызаҵәык акәын иԥсы ахьҭаз, иусурахьгьы дзымгьежьит. Николаи Марр иԥсреи иԥсыжреи инарымаданы Ленинградтәи ашколқәа рҟны аҵара аанкылан, алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатәқәа даара инарҭбааны еиҿкаан. Марр иԥсра адырҩаҽны иаарласны еизганы иҭыжьын игәалашәара иазкыз аброшиура. Николаи Марр анышә дамардеит Акоммунистцәа рдәаҿы (иахьа Аказакцәа рыԥсыжырҭа), Александр Невтәи Алавр аҟны. Марр иԥсра ашьҭахь, иара иҵаҩцәа (зегь раԥхьа иргыланы И. И. Мешьанинов), инаукатәымыз «аҵара ҿыц» наҟ иааныжьны, итрадициатәу аҵарадырра амҩала, Марр иқәиргылоз акыр азҵаарақәа рыӡбон (атипологиа, асинтаксис аҭҵаара, абызшәа апроблема уҳәа реиԥш иҟаз).[8] Аҭынха[аредакциазура | акод аредакциазура] Марр идунеихәаԥшра акыр акритика азыруан ақырҭуа еиҳабыра (А. Мгелаӡе). Марр иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, жәохә шықәса ааҵхьаны еиԥш, рашәарамза 20, 1950 шықәсазы иара иҵара аофициалтә критика азун абызшәадырра аҟны «аидеализм» азы. Иара иусумҭақәа адгылара рызҭоз И. В. Сталин ишьақәирӷәӷәон Н. Иа. Марр акыр иҽшазишәоз амарксистхара, аха амарксистра шилымшаз. 1956 шықәса анаҩс, Марр лингвистк иаҳасаб ала илшамҭақәа еиҭах рылацәажәара иалагеит, иазгәаҭан иара шиакәу изылшаз СССР акыр адисциплинақәа рыҿиара (атипологиа, асемантика), еиҭаҭыжьын кавказдырреи абаск бызшәеи ирызкыз иусумҭақәа, аха иааизакны Марр иусура алигвинстика аныԥшшьа ҽеимызт ҳәа иԥхьаӡан (даҽакала иуҳәозар, СССР уи адгылара амоуит). Николаи Марр ихьӡ адҳәалоуп аурыс бызшәа алинвистика аҟны Марр ихыцқәа (‘’) ҳәа изышьҭаз, уи ала иазгәарҭоит ажәа аҵакы (ҿырԥштәыс иаагозар «афранцыз ажәа cheval ‘лошадь’»).[9] Агәалашәара[аредакциазура | акод аредакциазура] Санкт-Петербург ақалақь аҿы Николаи Марр идамра Аимператортә ҭҵаарадырратә академиа алахәыла, Аматериалтә культура аҭоурых аҳәынҭқарратә академиа адиректор, Петроград ақалақь аҟны Аиафет институт аԥҵаҩы (1921 ш.), Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ – абри зегьы Николаи Марр изкуп. Иара иԥсҭазаара аӷьырак Петербург ихигеит, идунеи иԥсахит 1934 шықәса, ԥхынҷкәынмза 20 рзы. Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа амҩадуқәа руак Николаи Марр ихьӡ ахҵоуп. Араҟа ибзианы иргәалашәоит, ҳаҭыр дулагьы иршьоит иара аԥсуа бызшәа гәцаракрыла дахьазнеиуаз, адунеи аҿы ижәытәӡатәу абызшәақәа инарываргыланы дахьахәаԥшуаз. Николаи Марр иара иаамҭазы зегь реиҳа хьӡи-ԥшеи змаз мрагылараҭҵааҩцәа дыруаӡәкын. Иара еиҟараны дрызҿлымҳан ажәытә ақырҭуа ҭоурыхтә материалқәа реиԥш, ажәытә аерман материалқәагьы, аҳәаанырцәҟа маҵураныҟәарала данцоз аҭҵааратә аартрақәа ҟаиҵон, иаҳҳәап, Синаи, Египет даныҟаз, мамзар Ермантәыла ажәытә аҳҭнықалақь Ани аҟны, Иерусалим уҳәа. Кавказҭҵаара иазку иусумҭақәа даара рыхә ҳаракны иршьоит, урҭ рахьтә акыр аусумҭақәа классикатәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, абызшәадырреи алингвистикеи рганахьала иусумҭақәа ус рзузымҳәозаргьы.[10] Ахархәара змоу алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] Аҩӡба У. Ш.. Аԥсуа биографиатә жәар (Абхазский биографический словарь). Москва, 2015. ад. 185. Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура] ↑ "Академик Н. Я. Марр". Аԥснытека. Ириашоу 2024-02-02 шықәсазы. ↑ "Марр Николай Яковлевич". bioslovhist.spbu.ru (аурыс бызшәала). Ириашоу 2024-02-02 шықәсазы. ↑ "Николаи Марр: «ихагоу» абызшәатә теориа автор, аԥсуаҭҵааҩы". abaza.org. 2019-12-25. Ириашоу 2024-02-02 шықәсазы. ↑ "Марр Николай Яковлевич". persona.rin.ru (аурыс бызшәала). Ириашоу 2024-02-02 шықәсазы. Албаага: Поиск -> Маар ↑ "Сотрудники РНБ — деятели науки и культуры; Биографический словарь, т. 1-4 (электронная версия) – Марр Николай Яковлевич". Урыстәылатәи амилаҭтә библиотека (аурыс бызшәала). Ириашоу 2024-02-02 шықәсазы. ↑ "Марр, Николай Яковлевич". Академик. Ириашоу 2024-02-02 шықәсазы. ↑ "Марр Николай Яковлевич". biblioclub.ru (аурыс бызшәала). Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2023-11-03 ахь. Ириашоу 2024-02-02 шықәсазы. ↑ "МАРР НИКОЛА́Й Я́КОВЛЕВИЧ". histrf.ru (аурыс бызшәала). Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2018-06-15 ахь. Ириашоу 2023-11-03 шықәсазы. ↑ "Н.Я. Марр крупным планом: портреты разных лет". ranar.spb.ru (аурыс бызшәала). Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2023-03-22 ахь. Ириашоу 2023-11-03 шықәсазы. ↑ "Деятельность Н. Я. Марра на посту председателя государственной академии истории материальной культуры". cyberleninka.ru (аурыс бызшәала). Ириашоу 2024-02-02 шықәсазы. Авторитет змоу адыррақәа Ажәларбжьаратә FAST ISNI VIAF Амилаҭтә Норвегиа Испаниа Франциа BnF data Германиа Израиль ЕАА Латвиа Чехиа Австралиа Недерланд Польша Ватикан Академикцәа CiNii Ауаа Deutsche Biographie Trove Егьырҭ IdRef Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Марр,_Николаи_Иаков-иԥа&oldid=135744 Акатегориақәа: 1865 шықәсазы ииз Ажьырныҳәамза 6 рзы ииз 1934 шықәсазы иԥсыз Ԥхынҷкәынмза 20 рзы иԥсыз Қырҭтәылатәи алингвистцәа Қырҭтәылатәи аетнографцәа Қырҭтәылатәи археологцәа Апалеолингвистцәа Ақарҭвел бызшәақәа рылингвистцәа Аерманҭҵааҩцәа Асовет ҵарауаа КПСС алахәылацәа Марраа Ицәыргам акатегориа: CS1 аурыс бызшәахь азхьарԥшқәа (ru) FAST аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа ISNI аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа VIAF аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа BIBSYS аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа BNE аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа BNF аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа BNFdata аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа GND аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа J9U аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа LCCN аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа LNB аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа NKC аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа NLA аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа NTA аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа PLWABN аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа VcBA аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа CINII аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа DTBIO аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа Trove аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа SUDOC аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 02:44, 6 жәабранмза 2024. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9C%D0%B0%D1%80%D1%80,_%D0%9D%D0%B8%D0%BA%D0%BE%D0%BB%D0%B0%D0%B8_%D0%98%D0%B0%D0%BA%D0%BE%D0%B2-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
2024-03-01T01:46:15Z
<urn:uuid:d72b38b0-ce16-408f-8a39-4331634012b7>
[ "footer", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.88
0.85
0.97
85
28,651
tlsh:T1B6E0D1D29D40DB8BC673C059DB918D352DE1685386637231CEC5F471194209DDFFCD139AFBE84A8AB0AF1262E153BF142A4AECEA147D6FD7318210D56D2F38DA279436E68E
Џьавахарлал Неру (ахинд. जवाहरलाल नेहरू; абҵарамза 14, 1889 ш., Аллахабад — лаҵарамза 27, 1964 ш. Ниу-Дели, Индиа) – адунеи ахи аҵыхәеи рҟны еицырдыруаз политикатә усзуҩын, Индиа аԥыза-министр, М. Ганди ицнагаҩ, Адәныҟатәи аусқәа рминистр, индиатәи амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагыла. Иара иԥҳа Индира Гандии имаҭа Раџьив Гандии Индиа ахԥатәии афбатәии аԥыза-министрцәас иҟан. Ақәыԥшра[аредакциазура | акод аредакциазура] Неру аҭаацәа Џьавахарлал Неру диит абҵарамза 14, 1889 шықәса рзы Аллахабад, акаста варна иаҵанакуаз кашемиртәи абрахманцәа рҭаацәараҿы. Иара иан – Сваруп Рани (1863–1954), иаб – Мотилал Неру (1861–1931) – атәылаҟны зегьы иреиҳаз апартиа Индиатәи амилаҭтә конгресс анапхгаҩцәа дыруаӡәкын, раԥхьа – 1919–1920-тәи ашықәсқәа рзы, анаҩс – 1928–1929-тәи ашықәсқәа рзы. Аб иԥа Џьавахарлал (уи ихьӡ хинди аҟынтә еиҭагазар иаанагоит «драгоценный рубин») Харроу (Лондон ду) иҟаз даара заҳаҭыр ҳаракыз англиатәи ашкол ахь аҵара ҵара дишьҭуеит. Иара Британиа Ду иҟазаара аан убасгьы деицырдыруан Џьо Неру (Joe Nehru) ҳәа. 1912 шықәса рзы Неру Кембриџьтәи ауниверситет аҟны аиуристтә факультет далгеит. Иара убасгьы, Англиа иҟазаара аан иара дазҿлымҳахоит, усҟантәи аамҭазы Ладатәи Африкантәи игьежьыз, индиаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥыза Махатма Ганди иусура, уи иоуп анаҩс иара Џьавахарлал Неру абжьгаҩыс, политикатә рҵаҩыс изыҟалазгьы. Неру Индиаҟа даныгьежь Аллахабадҟа нхара дцоит, уа иаб напхгара зиҭоз адукаттә контора аҟны аусура далагоит. 1916 шықәса, жәабранмза 8 рзы, ааԥынра ааира иадҳәалаз аиндусцәа рныҳәа аҽны, Џьавахарлал жәаф шықәса зхыҵуаз Камала Каул ԥҳәысс дигоит. Ианеибага нахыс шықәсык ааҵхьаны, диуеит рыԥҳазаҵә, Индира зыхьӡырҵаз. Аҿар рԥыза[аредакциазура | акод аредакциазура] Аамҭаказы Неру дҟалеит ИНК активистцәа дыруаӡәкны, урҭ Индиа ахьыԥшымра иазықәԥоз ракәын амч рхы иамырхәакәа. Иара иԥсадгьыл гәакьа дахәаԥшуан, Европа аҵарадырра зауз, уаатәи акультура злаҽны иҟаз уаҩны. Махатма Ганди иабадырра, насгьы уи ауаа ирызнеигоз аҵара иалнаршеит Неру дызлыҵыз ижәлар рзааигәахара, урҭ рытрадициақәеи европатәи аидеиақәеи рзеиԥшыркра. Неру, ИНК егьырҭ аԥызацәа реиԥш, Махатма Ганди идоктрина азхеиҵон. Британиа ду аколониалтә мчрақәа изныкымкәа Неру дыкны дҭаркхьан, иааизакны иара абахҭаҟны ихигеит жәашықәса. Аха, ус шакәызгьы, Неру, Ганди иабжьгарала, аколониалтә мчрақәа аус рыцмура акомпаниа активла ихы алаирхәт, уи далахәын, убасгьы, британинтәи атауарқәа абаикот рзыҟаҵара акомпаниагьы. ИНК ахантәаҩы[аредакциазура | акод аредакциазура] 1927 шықәса рзы, Неру ИНК ахантәаҩыс далхын. Иара убри ашықәсан Џьавахарлал Октиабртәи ареволиуциа жәашықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа далахәын, иаб Мотилал Неруи, иаҳәшьа Кришнеи, иԥшәмаԥҳәыс Камалеи ицны. 1938 шықәса рзы апартиа алахәылацәа рхыԥхьаӡара хә-миллионҩык рҟынӡа инаӡеит, уи ахыԥхьаӡара жәантә еиҳахеит аханатә иҟаз аасҭа. Аха, уи аамҭазы аинуистцәеи аԥсылманцәеи рыбжьара аилибамкаарақәа аҭыԥ роуит. Аҵыхәтәантәиқәа рпартиа – Индиазегьтәи аԥсылманцәа рлига – ихьыԥшым аислам ҳәынҭқарра Пакистан – «ацқьақәа ртәыла» аԥҵаразы иқәгыло иалагеит. 1936 шықәса рзы, абахҭа данҭыҵ ашьҭахь, Лакхнау Аконгресс аҟны дықәгыло, Неру абас еиԥш аҳәамҭа ҟаиҵеит: «Сара агәра згоит, ари апроблема, адунеи зегьи Индиеи рҿаԥхьа иқәгылоу, ӡбашьас иамоу акызаҵәык ауп иҟоу – асоциализм. Сара ари ажәа анысҳәо, ус баша агуманисттә ҵакы аҵаҵаны исҳәом, уи иагәылоуп идыру анаука-аекономикатә ҵакы…. Сара избаӡом даҽа мҩак, аусура аҟамзаара, адеградациа, индиа жәлар рхьыԥшра аԥызхуа асоциализм ада даҽакы. Уи азын зда ԥсыхәа амам акәны иҟоуп инарҭбаау ареволиуциатә еиҭакрақәа, ҳара ҳполитикатәи ҳуаажәларратәи ргылараҿы, насгьы ақыҭанхамҩеи ааглыхреи рҟны амалуаа рықәгара… Уи иаанаго, ахатәы мазара амазаара аԥыхны, амал аагара иазырхоу акооперативтә аарыхра асистема ала аԥсахра ауп…» Индиа раԥхьатәи аԥыза-министр[аредакциазура | акод аредакциазура] Џьавахарлал Неруи Махатма Гандии (1946 ш.) Нанҳәамза 24, 1946 шықәса рзы Џьавахарлал Неру Индиа Аамҭалатәи аиҳабыра – Индиатәи акрал ихаҭыԥуаҩ иҟны Анагӡаратә хеилак аԥыза – министрс дҟалеит, 1947 шықәса рзы – ихьыԥшым Индиа актәи аԥыза – министрси, Адәныҟатәии Атәылахьчареи рминистррақәа аминистрси дҟалеит. 1947 шықәса, рашәарамзазы, Индиазегьтәи ахеилак ИНК абжьқәа реиҳарак ала, британиатәи ажәалагала ала Индиа ҩ-ҳәынҭқарракны ашара иақәшаҳаҭхеит. Уи алагьы иаԥҵан Индиатәи Ахеилаки Пакистани. Нанҳәамза 15, 1947 шықәса рзы Неру раԥхьаӡа акәны Дели афорт Ҟаԥшьы иахашәыршәыруа иҟаиҵеит ихьыԥшым Индиа абираҟ. Нанҳәамза 15 ауха Джавахарлал Неру абас иҳәеит: «Аҵх аҽанааиҩнашо, адунеи зегьы ацәа ианынҭанагало, Индиа ааԥшуеит аԥсҭазааразы, ахақәиҭразы, абри игәырӷьахәу амомент азы ҳара Индиа, уи ажәлар, ихадароу ауаатәыҩса зегьы рымаҵ аура ҳаԥсҭазаара зегьы шазаҳкуа азы ҭоуба аауеит. Ҳара ҳхақәиҭра гәаҟрала иаагоу акоуп, ҳагәқәа уи иацыз ахьаа иахьагьы ирныруеит, аха уи аамҭа иазынҳажьуеит, уажәтәи ҳхәыцрақәа зегьы зызку аԥхьаҟатәи аԥеиԥш ауп. Аԥхьаҟатәи аԥеиԥш мариахом. Индиа амаҵ аура – ари иаанаго миллионҩыла ирыцҳау агәаҟра зхызгахьо рымаҵ аура ауп. Уи иаанаго шәышықәсалатәи амамзаара, ачымазарақәа, аиҟарамра рҵыхәа аԥҵәара ауп. Ҳара иҳаргылароуп аҩнра ду, зых иақәиҭу Индиа – ари аҩны аҟны инхаларц алшара роуеит ҳтәыла ахәыҷқәа зегьы». 1948 шықәса жәабранмзазы, Индиа иаанханы иҟаз аҵыхәтәантәи британиатәи архәҭақәа алҵны ицеит. 1947–1948-тәи ашықәсқәа рзы Кашмир азы Индиеи Пакистани еибашьит. Уи алҵшәақәа рыла, еимактәыс иҟаз аштат ахԥатәи ахәҭа Пакистан анапаҵаҟа иҟалеит, аха ахәҭа хада Индиа аилазаара иалаҵан. Аиндусцәа реиҳараҩык ИНК агәра ргон. 1947 шықәсазтәи алхрақәа раан Неру ицнагаҩцәа апарламент аҟны 86% аҭыԥқәа раанкылара рылшеит. Неру ибзоурала индиатәи аҳратәрақәа зегьы Индиатәи Ахеилак адҵара илшеит – 555 рахьтә 601. 1954 шықәса рзы Индиа иадҵан франциатәи, анаҩс, 1962 шықәса рзы, португалиатәи агаҿатә анклавқәа. 1950 шықәса, ажьырныҳәамзазы, Неру иажәалагалала Индиа илыԥшааху демократиатә республиканы ирылаҳәан. Индиа Аконституциа акәзар, уи иаҵанакуан ихадароу адемократиатә хақәиҭра апринципқәа, адинхаҵара, амилаҭ, акаста ала адискриминациа аҟамҵара. Анапхгараҭара асистема акәзар, апрезидент-парламенттәын, аха амчра аиҳарак аԥыза-министр инапаҟны иҟан, иара апарламент далнахуан. Апарламент акәзар, ҩ-палатакны ишьақәгылан – ажәлар рпалатеи аштатқәа рхеилаки. 28 штат ироуит аҩныҵҟатәи автономиа, дара азин рыман рхатәы закәанԥҵареи аполициеи амазааразы, аекономикатә усура аҭышәныртәаларазы. Аамҭа цацыԥхьаӡа аштатқәа рхыԥхьаӡара иацлеит, избанзар амилаҭттә еилазаара азгәаҭаны аштат ҿыцқәа аԥҵан. 1956 шықәса абҵарамзазы иаԥҵан 14 штати аиҩызаратә ҵакырадгьылқәа фбеи. Дара зегьы ажәытәтәи аштатқәа излареиԥшымыз – еиҳа аетникатә еизыҟазаашьақәа рганахь ала еижәлантәыз ракәын. Иалагалан зегьы ирзеиԥшыз ишиашоу, еиҟароу, маӡалатәи абжьаҭара атәылауаа рзы, 21 шықәса зхыҵуаз уи азы азин иман, убасгьы иаԥҵан амажоритартә система ахаҭарнакра. Аҩныҵҟатәи аполитика. Аекономикеи асоциалтә хырхарҭеи рҟны ареформақәа Неру аҩныҵҟатәи аполитика аҟны хықәкыс имаз Индиа ажәларқәа зегьы реинышәара акәын. Аекономика аҟны акәзар – апланркра апринципи аџьармыкьатә економикеи дрықәныҟәон. Иара шьаҭанкылатәи аиҭакрақәа, аӡбамҭақәа рыдкылара дашьҭамызт, уи алагьы илшон арыӷьаратәигьы, арымаратәигьы, агәҭатәии афракциа Аконгресс акзаара ахьчара, урҭ рыбжьара абаланс еиқәырхан. Неру ажәлар ргәырҽаниҵон: Ишәхашәмыршҭлан, аӷарра иаразнак абеиарахь ишузиамго нашанак, мамзаргьы асоциализми акапитализми аметодқәа рхархәара ала. Мҩас иҟоу акоуп – аус улатәуп, аџьа алҵшәақәа еиӷьтәтәуп, насгьы афатәаалыҵқәа ииашаны аихшара еиҿкаатәуп. Ари имариам, аамҭа зҭаху, иуадаҩу процессуп. Аҿиара змам атәылазы акапиталисттә метод ас еиԥш алшарақәа унаҭом. Планла иарбоу асоциалисттә знеишьа ацхыраара ала ауп излалыршахо ԥкра змам апрогресс, уигьы, жәаҳәарада, аамҭа аҭахуп. Иара убасгьы, инаҵшьны иазгәеиҭон акласстәи асоциалтәи ҳәоуеиқәымшәарақәа рыршшара дшашьҭоу. Неру ирылеиҳәеит «асоциалисттә ҿырԥшы» ала Индиа ауаажәларра раԥҵара хықәкыс ишимоу, уи иаанагоз аҳәынҭқарратә аекономикатә сектор арҿиара ахылаԥшра ӷәӷәа аҭареи, анаплак маҷқәа ацхыраара рыҭареи, асоциалтә ԥгаԥсатә система аԥҵареи ракәын. Раԥхьатәи иакыз алхрақәа раан, уи мҩаԥган 1951–1952-тәи ашықәсқәа рзы, Аконгресс 44,5% бжьы аиуит, иара убасгьы 74% аҭыԥқәа жәлар рпалата аҟны. Убри аан Неру аҳәынқарратә аекономикатә сектор арӷәӷәара дадгылаҩын. Ааглыхратә политика азы арезолиуциа аҟны Неру иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра абџьар, атомтә енергиа, аихамҩатәи амҩатәи транспорт ахырхарҭала аҳәынҭқарра амонополиа шышьақәыргылахо. Иара убасгьы, акыр аусхкқәа, аҳаирпланргылара, амашьынаргылара, анефти арацәеи рааглыхрақәа, аметаллургиа еиқәаҵәа уҳәа рганахь ала аҳәынҭқарра заҵәык акәын азин змаз анаплак ҿыцқәа рыргыларазы. Ихадаз 17 обиект ааглыхра иадҳәалаз ҳәынҭқарратәқәаны ирылаҳәан. 1948 шықәса рзы Индиа Арезервтә банк милаҭтә банкны иҟаҵан, 1949 шықәса рзы ахатә банкқәа русурагьы аҳәынҭқарра хылаԥшра анаҭо иҟаҵан. 1950-тәи ашықәсқәа рзы Неру аграртә сектор аҟны афеодалтә, аџьатә уалдҵа аԥихит. Амалуаҩ азин имамызт қьырала адгьыл иқәаарыхуаз рықәцара, ақьырагьы ахәқәа ԥсахын. 1957 шықәса рзы имҩаԥгаз аҩбатәи алхрақәа раангьы Неру даҽазныкгьы аиааира игеит. Анаҩстәи алхрақәа раан, 1962 шықәса рзы Неру 3% процентк абжьқәа шицәыӡызгьы, амажоритартә система иабзоураны аԥыжәара игеит. Адәныҟатәи аполитика[аредакциазура | акод аредакциазура] Неру адунеи аҟны даара пату иқәын, иара аполитикатә блокқәа реидымҵара аполитика авторцәа дыруаӡәкхеит. Зегь раԥхьа Неру иеиҳабра азхазҵаз Китаитәи Жәлар Рреспублика ауп, аха уи иалнамыршеит аҳәаатә конфликтқәа рҭышәныртәалара. Адәныҟатәи аполитика аҟны Неру 1950-тәи, 1960-тәи ашықәсқәа ралагамҭаз хырхарҭас имаз Индосҭантәи адгьылбжьахабжа аҟны европатәи аҳәынҭқаррақәа иаԥҵаны ирымаз аколониалтә анклавқәа рықәгара акәын. 1949 шықәса рзы, ҭагалан, Неру Еиду Америкатәи Аштатқәа дырҭаауеит. Ари аныҟәара иабзоураны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан, Индиаҟа Америкатәи акапитал аауа иалагеит, акыр аекономикатәи атехникатәи цхыраара иадҳәалаз ахырхарҭа змаз аиқәышаҳаҭрақәа анапы рыҵаҩын. Аха Неру арратә цхыраара мап ацәикит, 1962 шықәса рзы индиа-китаитәи бџьаршьҭыхралатәи аконфликт аан. Неру аекономикатә цхыраара идикылон СССР аҟынтәгьы, аха Асовет Еидгыла азы адгылаҩыс дҟамлеит, иара еиуеиԥшым ауаажәларратә шьақәгылара змоу аҳәынҭқаррақәа ҭынч реицынхара азы дықәгылон. 1955 шықәса рзы Неру Москва даҭааит. Асовет Еидгыла аҟны иҟазаара иалагӡаны Неру еиуеиԥшым ақалақьқәа дырҭааны ибеит. Неру иԥҳа Индира Гандии иареи зықьҩыла ауаа рԥылон, иара ас еиԥш адкылара даара изыџьашьатәын. Екатеринбург ақалақь аҟны – усҟан Свердловск, Индиа аԥыза - министр азауад «Уралмаш» ахьгьы днеит, анаҩс Индиеи ари азауади аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Уиижьҭеи азауад 300 инарзынаԥшуа ексковатор Индиаҟа идәықәнаҵахьеит. Абасалагьы асоветтәии индиатәии аизыҟазаашьақәа шьақәгылеит. Аԥсра[аредакциазура | акод аредакциазура] Ишазгәаҭоу ала, Китаии Индиеи реибашьра инаҭаз агәыхь Неру даара игәабзиара ҵнашәааит. Неру иԥсҭазаара далҵит лаҵарамза 27, 1964 шықәса рзы Дели, изцәырҵыз агәыхь иахҟьаны. Иара иуасиаҭ шәҟәы инақәыршәаны, иԥсыбаҩ былны иԥшьоу аӡиас Иамуна аҟны иԥсаҟьан. Агәалашәара[аредакциазура | акод аредакциазура] Москва, Москватәи аҳәынҭқарратә университет азааигәара Неру игәалашәара иазку абаҟа гылоуп. Ломоносов ихьӡ зху апроспект аҟни, Вернадски ихьӡ зху апроспекти реихысырҭа амҩа Џьавахарлал Неру ихьӡ ахуп. Иаԥҵоуп Џьавахарлал Неру ихьӡала апремиа. Иҟоуп, иара убасгьы, Џьавахарлал Неру ихьӡ зху алитературатә премиа. Дели ақалақь аҿы иргылоуп Џьавахарлал Неру ихьӡ зху ашьапылампыласырҭатә дәы. Џьавахарлал Неру ихьӡ зху ауниверситет. Екатеринбург – Џьавахарлал Неру ихьӡ зху абаҳча. Урысшәала иҭыжьыз иусумҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Неру Дж. Автобиография / Джавахарлал Неру / Пер. с англ.; Переводчики: В.В. Исакович, Д.Э. Кунина, В.Ч. Павлов, В.Н. Мачавариани, Б.В. Поспелов. — М.: Издательство иностранной литературы, 1955. — 656 с. (в пер.) Неру Дж. Открытие Индии / Джавахарлал Неру / Пер. с англ.; Переводчики: В.В. Исакович, Д.Э. Кунина, И.С. Кливанская, В.Ч. Павлов; Ред. перевода В.Н. Мачавариани. — М.: Издательство иностранной литературы, 1955. — 652, [24] с. (в пер.) Неру Дж. Внешняя политика Индии. — М.: Прогресс, 1965, — 352 с. Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] [1] [2] Иархивитәиз 2021-02-04 ахь Wayback Machine [3] [4] [5] [6] [7] [8] Иархивитәиз 2020-10-20 ахь Wayback Machine [9] [10] ↑ Jawaharlal Nehru. Онлаин. [cit. 2018-07-24] ↑ Jawaharlal nehru. Онлаин. [cit. 2018-07-24] Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Неру,_Џьавахарлал&oldid=136312 Акатегориақәа: Амониторинг:Ссылки из Викиданных Индиа аԥыза-министрцәа Индиатәи аполитикцәа Индиатәи ашәҟәыҩҩцәа Асоциалистцәа 1889 шықәсазы ииз Абҵарамза 14 рзы ииз 1964 шықәсазы иԥсыз Лаҵарамза 27 рзы иԥсыз Ицәыргам акатегориа: Webarchive ашаблон wayback азхьарԥшқәа Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 02:19, 26 жәабранмза 2024. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9D%D0%B5%D1%80%D1%83,_%D0%8F%D1%8C%D0%B0%D0%B2%D0%B0%D1%85%D0%B0%D1%80%D0%BB%D0%B0%D0%BB
2024-02-28T05:40:10Z
<urn:uuid:a1e2a066-4784-4db3-a1dc-28f91a8495e4>
[ "footer", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.91
0.71
0.98
41
23,548
tlsh:T1560C3BB29D40CF0BC6B3C0588B9189346CD068178266B271CEC5F475165309CDBFCD13A5FEFD1A4A749F1662D262BB146A4AFCE9257D7FDB619300A52D3F3AED239432929E
Уильиам Шекспир (англ. William Shakespeare; мшаԥымза 23 (лаҵарамза 3), 1564 ш., Стратфорд-апон-Еивон — мшаԥымза 23 (лаҵарамза 3), 1616 ш., Стратфорд-апон-Еивон) — еицырдыруа Англиз апоети адраматурги. Авикимедиаҿ еизгоуп абри атема иазку афаилқәа: Уильиам Шекспир Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура] Уильиам Шекспир (1564-1616) ауаатәҩсатә ҭоурых аҿы зегь реиҳа ирдыруа шәҟәыҩҩы дуӡӡоуп. Иара диит Англиа агәҭаны Еивон ахықәан Стратфорд ақалақь хәыҷ аҿы. Уи иаб иԥа аҵара имазарц иҭахын азы Уильиам аҭыԥантәи ашкол ахь ддәықәырҵеит. Ашколаҿ аҵара аниҵоз ахәыҷы ихы дақәиҭны дҟалаӡомызт. Аха минуҭк аамҭа аниоуаз, абнахь ныҟәара, ма аӡиас Еивон ахықәахь дцон, уи дахәаԥшуан. Усҟантәи аамҭазы ақалақь аҿы атеатрқәа рацәаны иҟамызт, актиорцәеи, актрисацәеи рықәгыларақәа рыманы, ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥкахь ицалалар акәын. Урҭ зны-зынла Стратфордҟа иаалон. Вилиам урҭ рыхәмарра ахәаԥшра игәаԥхон. Иара ари азаанаҭ бзиа ибеит, иагьиӡбеит дактиорхарц. Иара Лондонҟа дцоит, уа иара дактирхоит. Убри аамҭазы иара апиесақәа рыҩра далагоит. Шекспир дагьактиорын, дагьдраматургын. Иара иусумҭақәа ирныԥшит иаамҭазтәи ауаа рыԥсҭазаара ахҭысқәа. Уи ипиесақәа ирацәаны атеатрқәа рыҟны иқәдыргылахьеит, еиҭаоуп атәым бызшәақәа рахь. Ари Шекспир даара деицырдыруа дҟанаҵеит. Иеиҳа иеицырдыруа ипиесақәа рахь иԥхьаӡоуп – «Отелло», «Акрал Лир», «Гамлет», «Ромеои Џьулеттеи». Урҭ иахьагьы ирылаҵәаны иҟоуп, атәылақәа рҿы шәахьнеилак ижәбар шәылшоит. Шекспир зынӡа 37 пиеса иҩит. Иара иреиӷьӡаз англиатәи атеатрқәа 25 шықәса рҟынӡа аус рыциухьан. Уильиам Шекспир иара убас ажәеинраалақәа рацәаны иҩит, зеиӷьыҟам асонетқәа налаҵаны. Уи иажәеинраалақәа рыла ашәақәа рацәаны ирҩхьеит. Иара зегь реиҳа иркьыԥхьуа, иеицырдыруа шәҟәыҩҩуп адунеиаҿ. Иара иԥсҭазааразы иаадыруа имаҷуп. Ҳара уаҩык иаҳасабала иара дзеиԥшраз гәааҳагӡар ҳалшоит уи аамҭазтәи алегендақәеи инхаз адокументқәеи рыла. Шекспир мшаԥымза 23, 1616 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит. Иара иҩит 38 пиесеи ажәеинраалақәеи рацәаны. Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015 Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Шекспир,_Уильиам&oldid=125966 Акатегориақәа: Уильиам Шекспир Англиати адраматургцәа Англиатәи ашәҟәыҩҩцәа 1564 шықәсазы ииз Лаҵарамза 3 рзы ииз 1616 шықәсазы иԥсыз Лаҵарамза 3 рзы иԥсыз Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 17:51, 23 мшаԥымза 2023. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A3%D0%B8%D0%BB%D1%8C%D0%B8%D0%B0%D0%BC_%D0%A8%D0%B5%D0%BA%D1%81%D0%BF%D0%B8%D1%80
2024-03-04T01:16:51Z
<urn:uuid:6fb0a43a-c23f-4469-80b1-3f7400ef7892>
[ "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.8
0.86
0.95
14
4,594
tlsh:T16A04BB91AC04CF4BCA73D0989A91893618E1980346637231CEC5F4B115410A9EBFCC12A6FAF91A9FB4AF1126D566AE247A0EFCD9217D6EE331D310D53C3F24CE17647AD28E
Дмитри Менделеев (аур. Дми́трий Ива́нович Менделе́ев; ажьырныҳәа 27, 1834 — жәабран 2, 1907) — 1869 ш. азы аурыс ҵарауаҩ Дмитрии Менделеев ахимиатә аелементқәа Рпериодикатә (реишьҭагыларатә) таблица шааиртыз рылеиҳәеит. Абас ала, анаука аԥсабара амаӡақәа раартраз ацаԥха аиуит. Уи нахыс химеи физикеи рҿы иҟаҵоу аартра дуқәа зегьы ари азакәан шьаҭас ирыман. Менделеев ипериодикатә таблица аелементқәа дара-дара еишьҭагылоуп урҭ ратомтә капан инақәыршәаны. Урҭ апериодқәеи агәыԥқәеи рыла еихшаны иеидкылоуп. Менделеев иҟаиҵаз аартра аҵарауаа ирылнаршеит Апериодикатә таблицаҿы иҭацәны иааныжьыз аҭыԥқәа хазырҭәааз 38 иҿыцу ахимиатә елементқәа раартра. Иара убри аангьы урҭ ирылшеит Апериодикатә таблицаҟны иҟаз аҵыхәтәантәи аелемент аасҭа еиҳа ихьанҭаз аелемент аԥшаара. 1955 шықәсазы америкатәи аҵарауаҩ Грени Сиберд иоуит (иԥшааит) аелемент 101-тәи аномер, Мендилеевиум ахьӡиҵеит, Апериодикатә Закәан аԥызҵаз ихьӡ аҳаҭыр ала. Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015 Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Дмитри_Менделеев&oldid=126010 Акатегориа: Урыстәылатәи аҵарауаа Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 21:04, 23 мшаԥымза 2023. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%94%D0%BC%D0%B8%D1%82%D1%80%D0%B8_%D0%9C%D0%B5%D0%BD%D0%B4%D0%B5%D0%BB%D0%B5%D0%B5%D0%B2
2024-02-25T22:10:40Z
<urn:uuid:425027c1-870b-4907-b0d5-a37384914867>
[ "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.85
1
0.93
6
2,493
tlsh:T128BD54517B408B0BC5B3C4C99A614D356DD15893925273718EC9FBB1191708AEFBCD12A9FABC198BB49B1251D3529F04AE4AFCED107C7EDB209340943E6E34EE179537B25F
Иракли Ҕарибашвили – Аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 28-тәи аконференциа алахәызаара агәахәара ду снаҭоит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Ҕарибашвили – Аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 28-тәи аконференциа алахәызаара агәахәара... Иҵегь аҭагалара Иракли Ҕарибашвили – Аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 28-тәи аконференциа алахәызаара агәахәара ду снаҭоит 14:03, 01.12.2023 Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рҿы, Дубаи ақалақьаҿ имҩаҧысуа Аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 28-тәи аконференциа алахәызаара агәахәара ду снаҭоит, – иҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили „Твиттер“ аҿы. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аклимат аҽаҧсахра иахылҵуа алҵшәақәа рырмаҷра аидеиа иазгәыкуп. „ Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рҿы, Дубаи ақалақьаҿ имҩаҧысуа Аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 28-тәи аконференциа алахәызаареи аклимат аҽаҧсахра иахылҵуа алҵшәақәа рырҧсыҽра иадҳәаланы Қырҭтәыла ахәаҧшырақәа раарҧшреи агәахәара ду снаҭоит. Қырҭтәыла аклимат аҽаҧсахра иахылҵуа алҵшәақәа рырмаҷра аидеиа иазгәыкуп, аҧсабара ибзианы азныҟәара иазку апроектқәа рынагӡара алагьы “, – иҩит аиҳабыра рнапхгаҩы. АПОЛИТИКА Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили 3 Еиҧшу Иракли Ҕарибашвили – Агәра ганы сыҟоуп ҳара аглобалтә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны алҵшәа дуқәа шҳауа, адунеитә масштабла изҩыдоу, ишәҭыкакаҷу аҧеиҧш аиқәыршәара шҳалшо Иракли Ҕарибашвили адунеитә економика алидерцәа иформалымыз ршьыбжьхьа ихы алаирхәит Иракли Ҕарибашвили аилахәыра TAQA анапхгаҩы диҧылеит Аҳәынҭқарра, зынхарҭатә ҭагылазаашьа цәгьоу 1000 ҭаацәара анхарҭа ҿыцқәа рнаҭоит Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду ргәырҕьаҵәа иаҧыларц рзеиҕьасшьоит, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаҧсадгьылгьы Анцәа илҧха ҳагымзааит, аҭынчра ҳамазааит Иракли Ҕарибашвили Хавиер Коломина диҧылеит Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ари аус ҳазықәҧон, аус аауан, атәыла анапхгареи ажәлари ари астатус ҳҽаҧсаҳтәит Иракли Ҕарибашвили Урсула фон дер Лаиен лахь - Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит, ари аӡбара Қырҭтәылеи европатәи адемократиақәа рҭаацәареи ҕәҕәала еиднаҳәалоит Иракли Ҕарибашвили Евроеидгылаҿ ахантәаҩра змоу атәыла – Испаниа аҧыза-министр иахь - Қырҭтәыла, Евроеидгыла ҳаҧхьаҟатәи алахәыла аҳасабала, Европа ашәҭыкакаҷраҿы зҵакы дуу ароль нанагӡоит Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель иахь – Ҳажәлари анапхгара ззызуа аиҳабыреи ҳазну амчыбжь азы Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит Амш зеиҧшрахо 4° аҩ Қaрҭ Ах 8° аҧшь 10° Авалиута акурс $ USD 2.6525 0.001 € EUR 2.8769 0.007 ₽ RUB 0.02873 0.077 £ GBP 3.3631 0.004 TOP 5 Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит Илиа Дарчиашвили – Агәра ганы ҳаҟоуп жәларбжьаратәи ауаажәларра рпозициа ҕәҕәа ахадаратә ҵакы шамоу Урыстәыла ахатә ҧхықәрақәа нагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагарц азыҳәан Атапанчала ахысразы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионс иҟалеит – #1TVSPORT Қырҭтәыла VS Сербиа Актәи аканал аҿы - итәу "Қарҭтәи аренаҿ" арекордсен Гьаргь Цинцаӡе амҵәышәмпыд аҟынтә днаскьаргоит #1TVSPORT
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-gharibashvili-aklimat-achvaphsaxra-iazkw-ear-28-ti-akonferentcia-alaxmzaara-agaxara-dw-sna%D2%ADoit/
2024-02-27T07:12:13Z
<urn:uuid:13e1b419-9015-4d6b-a99e-b96d8a101cad>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.61
0.95
51
5,941
null
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ареспублика адепутаттә корпус ахаҭарнакцәа алархәны аиԥылара мҩаԥигеит. Аиԥылара иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Ашәарҭадара ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба. Аиԥылараҟны иалацәажәеит атәыла ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа, ааигәа имҩаԥысраны иҟоу аилатәараҟны адепутатцәа зхәаԥшраны иҟоу азакәанапроектқәа жәпакы. Аслан Бжьаниа иаҵшьны иҳәеит ажәлар иалырхыз дарбанзаалак адепутат, далызхаз ауааԥсыра ргәы иҵхо, изыргәамҵуа дазхәыцуазароуп, урҭ ҳасаб рзиуазароуп аԥхьаҟа ирыдыркылараны иҟоу азакәанапроектқәа рыҟны. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/14962/
2024-02-24T19:23:02Z
<urn:uuid:d8e7c500-7b46-4ee0-9cef-ab5624e170e6>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.83
0.83
0.95
12
2,242
tlsh:T19B0B41417C40DB4BD6F3D0A99B829E34A8C1284746723360CEC9F5B11352099EBFCC13D6FEE1155B68EB1411D1A27B14798DEDE6287EAAD7708102A23C3E79E8378476819F
Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ МИхаил Шургалин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аконституциа амш идиныҳәалеит. "Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, абҵарамза 26 рзы Ареспубликаҟны иазгәарҭоит Аҧсны аҭоурых ҿыц аҟны акрызҵазкуа арыцхә. - Аконституциа амш. Атәыла азакәан хада аҧҵан аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы. Иналукааша аполитикцәеи, аҵарауааи, азиндырҩцәеи ирыбзоураны атәыла иаиуит аҧхьаҟа аҳәынҭқарратә ргылара, атәылуаҩратә уаажәларра адемократиатә институтқәа рыҿиара уасхырс ироуз.акрызҵазкуа амыруга. Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, аҭагылазаашьа схы иархәаны, ишәыдысныҳәалоит Аконституциа амш. Ишәзеиӷьасшьоит аҭакԥхықәра зцу амаҵураҟны аихьӡарақәа, Аԥсны иқәынхо ҳаиашьаратә жәлар – аҭынчреи аизҳазыӷьареи», - аҳәоит Аԥсны иҟоу УА Ацҳаражәҳәаҩ иҟаиҵаз адныҳәалараҟны. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15142/
2024-02-29T15:54:05Z
<urn:uuid:9cb220e1-a22f-40e8-8bdf-723c55d569bc>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.84
0.85
0.95
13
2,350
tlsh:T179F223417C80CB8BD2B3C0AACE929E36BCC0184646727260DDDAF1B50386058FBFCD13E6FBE4144A79EB1510D562BB15994EEDE5697EAEC3309100913D2F78D8375475C5AF
2024 ш. февраль мза 4 рзы ақалақь Москва имҩаԥысит Жәларбжьаратәи афестиваль «Многожанровый-конкурс» ҳәа хьӡыс измаз. Уи еиҿнакааит Арт-Комитет «Московское время». Зегьы ирыцку 15 Жәабран 2024 Аҟәатәи аҿкы хәышәтәырҭа аҳақьым Гәдиса Шларба иажәақәа рыла есыҽны ахәшәтәырҭа иадҵаалоит зшоура 39-40 рҟнынӡа ихало 70-ҩык рҟнынӡа ауааԥсыра. Урҭ рахьтә аиҳараҩык «агрип А» ҳәа изышьҭоу ачымазара ауп изыргәамҵуа. Афырхаҵара бзанҵы иӡуам 15 Жәабран 2024 Ауаажәларратә еиҿкаара «Ахатә­гәаԥхаҩы» (Доброволец) «Москва-Аҩны» аҟны имҩаԥнагеит хатәгәаԥхарала Донбас еибашьуаз, уи ахьчара зхы ақәызҵаз Аԥсны аҵеицәа: Давид Сабекиа, Дмитри Алпатов, Ҭемыр Хараишвили, Мырзаҟан Ачба, Шамил Дасаниа иаадырԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы «Гьаргь иџьар» I аҩаӡара ранашьара иазкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатә.Аҳамҭақәа рнапаҿы ирыҭан иҭахаз рҭаацәарақәа. Иара убас «Ауаажәларрратәи хатәгәаԥхаралатәи аџьа Афырхаҵа ахьтәы еҵәа» ианашьан, ааигәа зыԥсадгьыл гәакьа зыԥсыбаҩ амадаз, Донбасс аҭынчра аиқәырхара зџьабаа… «Амилаҭтә интересқәа ирҿагыло аӡәгьы дыҟам» 15 Жәабран 2024 Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәылатәи агвардиеи рыбжьара анапхгарабжьаратәи аусеицура иазырхоу аиқәшаҳаҭра апроект еиқәыршәоуп. Зыԥсҭазаара ҿырԥшыгаз 14 Жәабран 2024 Аԥсны аҵеицәа аҭоурых иԥнашәахьеит, адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа урҭ рҟәыҭханы мышкгьы иҟамлац. Иахьа адунеи иахыҵәаз, Урыстәыла Украина имҩаԥнаго хаҭалатәи аоперациа иалахәуп Аԥсны аҵеицәа. Иахьанӡа, 30-ҩык ҳара ҳҵеицәа ари аибашьраҿы иҭахахьеит… Ахәшьара: аусура цәгьам 14 Жәабран 2024 Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа аҳасабрба ҟаиҵеит иҳаҩсыз 2023 шықәсазы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусуразы, азинхьчареи ашәарҭадареи рхырхарҭала иаарԥшыз алҵшәа бзиақәа рзы. Иара убас иазгәаҭоуп, атәылаҟны 795 рҟынтә 665 рҟынӡа ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара шмаҷхаз, уи шаҳаҭра ауеит аусура бзианы ишымҩаԥысуаз азы. Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара 14 Жәабран 2024 Ааигәа Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаҧысит. Амшхәаҧштә аҿы иқәгылан ҩажәа зҵаара, урҭ рахьтә ҩ-зҵаарак анаҩстәи аилатәара ашҟа ииаган.Актәи азҵаара аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭеилакы иатәу арепатриациатә фонд 2023 шықәсазтәи абиуџьет адкылара.
https://gazeta-apsny.info/?start=28
2024-02-24T16:52:01Z
<urn:uuid:f9af4f44-ed39-4ef7-b8bd-72a9b2703fad>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
1
0.99
12
4,000
tlsh:T163560D816540CB8BC6B3D189CAC145351DD15C4782727220CED9F875154208EFBFDD13E9FAED0A8AB4EB1622E611BE02A54EECFA147DAFD3319314A1396F39C92784B5C5AE
Стампыл иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аконсулра хада аҟны имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Стампыл иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аконсул хада Андреи Буравовы реиԥылара. Ирылацәажәан аганқәа рыҩбагьы аинтерес ззеицрымоу азҵаарақәа. Аиԥылара иалахәын: Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Ибрахим Аҩӡба; Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Кьетиа.Аиԥылара мҩаԥысит аиҩызаратә ҟазшьа аманы. Аконсул аминистр агәаларшәагатә ҳамҭақәа ианеишьеит.
http://mfaapsny.org/allnews/news/visits_info/sostoyalas-vstrecha-inala-ardzinba-s-generalnym-konsulom-rossiyskoy-federatsii-v-stambule-andreem-bu/
2024-02-25T08:31:38Z
<urn:uuid:dda4131d-bda2-467b-bd53-6fd7c0a7c660>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
5
999
tlsh:T1927E3F110398DB8BD9A3D4188D929D31ACC058471622B7A19EC6B1502346048FBFCC13A6F5A8148E24DB0623D1426A06AB4AFDE9387EADC3209245D82E2F28B937807286DF
Иракли Кобахиӡе - Арадикалтә оппозициа алрақәа раан, урҭ рышьҭахьгьы Саломе Зурабишвили ахада лҭыԥ аҿы дыҟазар рҭахуп - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Кобахиӡе - Арадикалтә оппозициа алрақәа раан, урҭ рышьҭахьгьы Саломе Зурабишвили ах... Иҵегь аҭагалара Иракли Кобахиӡе - Арадикалтә оппозициа алрақәа раан, урҭ рышьҭахьгьы Саломе Зурабишвили ахада лҭыԥ аҿы дыҟазар рҭахуп 13:30, 13.10.2023 Аоппозициаа ишырҳәо ала, “Ақырҭуа гәахәтәы” акулуарқәа рҿы аимпичмент азы абжьқәа реизгара иаҿуп, хазы Саломе Зурабишвили иџьшьатә аҳәамҭақәа ҟалҵоит, шаҟа аамҭа лзаанхаз лзымдыруашәа, – иҳәеит апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе. Кобахиӡе иажәақәа рыла, абжьыҭираан аимпичмент адепутатцәа 90% шадымгыло идыруеит. Аполитик ишазгәеиҭаз, Салому Зурабишвили ападикалтә оппозициаа дрықәгәыӷны, аконституциа еилалгон. Кобахиӡе иажәақәа рыла, арадикалтә оппозициа алрақәа раан, урҭ рышьҭахьгьы Саломе Зурабишвили ахада лҭыԥ аҿы дыҟазар рҭахуп. „ Арадикалтә оппозициа, аколлективтә Амилаҭтә ҵысра алрақәа раан, урҭ рышьҭахьгьы Саломе Зурабишвили ахада лҭыԥ аҿы дыҟазар рҭахуп. Урҭ ирдыруеит алхрақәа рҿы аиааира агара шрылымшо, убри аҟынтә Саломе Зурабишвили лыдгылара ада уаҳа ԥсыхәа рымам“, – иҳәеит Кобахиӡе. АПОЛИТИКА İrakli Kobaxidze Сaломе Зурaбишвили 3 Еиҧшу Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Иракли Кобахиӡе - Европарламент аҩныҵҟа ашәқәа ркны ирҳәо зегьы ақырҭуа жәлар еилыркаар, уи ҳажәлар дара рахь ирымоу азныҟәаразы анырра бзиа амазаауеит Иракли Кобахиӡе - Агәабзиарахьчара аминистр иҟны аимадара иазкны исҳәар сҭахуп, амедицинатә усхкы ахаҭарнакцәа агәынамӡара рыман, уи гәасҭеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿырҧштәалагьы Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Италиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад дылҧылеит Франциа аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит Иракли Кобахиӡе Швеицариатәи аконфедерациа ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит Иракли Кобахиӡе Павел Герчински диԥылеит Ахада ладминистрациа аинформациала, Саломе Зурабишвили визитла Британиа Д ашҟа ддәықәлеит Китаитәи ареспублика Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизадатә режим шьақәнаргылеит Амш зеиҧшрахо 2° амҽ Қaрҭ амҽ 3° ашә 4° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Каха Калаӡе - Иракли Кобахиӡе зегьы реиҳа ибзианы идыруеит аиҳабыра ирызкны идикылаша аӡбара Иахьа инаркны аӡыргаратә ацҳамҭақәа рышьҭра адресат иқәшаҳаҭра мацара ашьҭахь алшахоит Павел Ҳерчински - Анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи аганахьала Қырҭтәыла аҧхьагылара шамоу аазырҧшуа аҭҵаарақәа гәахәаала аҧара рзоуҳажьҭуеит
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-kobaxidze-aradikalt-oppozitcia-alraqa-raan-wr%D2%AD-rmsh%D1%8C%D2%ADax%D1%8Cg%D1%8Cm-salome-zwrabishvili-axada-l%D2%ADm%D4%A5-atchvm-dmkhazar-r%D2%ADaxwp/
2024-03-02T23:42:31Z
<urn:uuid:6db2e9dc-6330-4321-81ad-6f572b322c12>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.62
0.95
48
5,787
tlsh:T1A5C58AC17984CF17C9B7C0998A6199356CD26E1AC7617131CDC9F871354A169EEFCC13A9BDF85E5E60EF1451C032FF202609BCE754BCBFDB621540B05E2E34EA2B9472869E
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рыҟны аҵара зҵо астудентцәа зегьы Жәларбжьаратәи астудентцәа рымш рыдиныҳәалеит. Адныҳәалараҿы иҳәоуп: «Акыр иаԥсоу Аԥсны астудентцәа! Гәык-ԥсык ала иишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи астудентцәа рымш. 1941 ш.абҵарамза 17 рзы афашизм иаҿагыланы иқәԥоз атәылақәа рахьтә астудентцәа жәларбжьаратәи реиқәшәараҿы ишьақәырӷәӷәан астудентцәа Жәларбжьаратәи рымш, аидгылареи акзаареи ирсимволны. Адунеи аҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа иаҳдырбоит 82 ш.раԥхьеиԥш, иахьагьы ҳарҭ зегьы абзиареи ацәгьареи рыгәҭа ҳашгылоу. Агәра згоит, Аԥсны астудентцәа, адунеи аҟны астуденттә еилазаарақәа реиԥш, ауниверсалтә ҵакы змоу абзиеи, аиашареи, аҿиареи адгылара шарҭо. Астудентра аамҭа, аԥхьаҟатәи аԥсҭазаараҿы аихьӡарақәа ауасхыр анырзышьҭаҵахо аамҭоуп. Аԥсны астудентцәа ирзеиӷьасшьар сҭахуп рзанааҭтә зыҟаҵара иахьынӡалшо аизырҳара. Шәара иахьатәи шәеихьӡарақәа зеиԥшроу еиԥш ауп Аԥсны уаҵәтәи аԥеиԥшгьы шыҟало. Аҵареи аҭҵаарадырреи рус аҟны ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, агәабзиара, агәамч!" Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16120/
2024-02-28T09:48:08Z
<urn:uuid:d05280d3-1602-47d9-ba95-ded9f64a7e21>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.87
0.88
0.96
17
2,773
tlsh:T16FED0E517A40878BD2F3D09A9A525D3668D16C5642627660CE8EF4B55682115FBFCC13D6FBF9264774EB1121C162BF20F94EECEA24BDBAD3309300902D2F34DC2BA436E55E
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аԥҵара амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит. «Ҳаҭыр зқәу Ирина Шьоҭа-иԥҳа, ҳатыр зқәу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аколлектив! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны аҭоурых аҟны акрызҵазкуа арыцхә – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аԥҵара амш. 1978 шықәса абҵарамза 6 рзы Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьаӡакәны аефир ахь ицәырҵит. Ари амилаҭтә ҵысра ашьҭыҵреи аҿиареи рус акырӡа иацхрааит, уи иалҵшәаны ишьақәгылеит иахьатәи аԥсуа ҳәынҭқарра. Ари амш иугәаланаршәоит ҳажәлар знысыз ахақәиҭреи ахатәҳәаақәҵареи рышҟа инагаз амҩа хьанҭа. 1992 -1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥснытәи ателехәаԥшра аусзуҩцәа апрофессионализми агәымшәареи аарԥшуа русура мҩаԥыргон. Урҭ рфырхаҵареи иаадырԥшуаз аибашьратә хҭысқәа реишьҭагылашьеи ирыбзоураны еизгоуп хәы змаӡам аибашьра архиви адокументациеи, адунеитә уаажәларра ақырҭуа агрессор ихаҿра шыҟаҵәҟьаз аилкааразы алшарагьы рнаҭеит. Хашҭра рықәым Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа. 45 шықәса инарзынаԥшуа Аԥсуа телехәаԥшра қәҿиарала анапы иану анагӡара иаҿуп. Шәара шәыпрограммақәеи шәрепортажқәеи аԥсуа уаажәларра рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Шәара ауаажәларра ирышәҭо аинформациа инаваргыланы ишәылшоит ҳмилаҭтә хаҿра аиқәырхарагьы, ари, хымԥада, жәлар ртелехәаԥшраны аҟаҵара агьалнаршоит уҳәар ҟалоит. Иахьа, здырра ҳараку анапхгареи, зҳәоу еиқәшәаны аус еицызуа аколлективи ирыбзоураны Аԥснытәи ателехәаԥшреи арадиои аҿиарамҩа иануп, аусураҟны ҳаамҭазтәи амыругақәа алагало, атәыла амедиа-индустриа еиӷьтәра хықәкыс ишьҭыхны. Аԥснытәи ателехәаԥшра есҽнытәи аусура ацәырҵреи, ашьақәгылареи зџьабаа аду зегьы ирзеиӷьасшьоит арҿиаратә еихьӡарақәа, еицакра зқәым агәамч шәнапы злаку аус ду аҟны. Агәра згоит Аԥснытәи ателехәаԥшра ахәаԥшҩцәа аринахысгьы зхаҭабзиара ҳараку, зҿлымҳара зуҭаша апрограммақәа рызнагара шәылшалоит ҳәа». Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16071/
2024-02-28T09:18:07Z
<urn:uuid:bf2da863-8f2e-4da3-8185-3a985eb086c4>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.88
0.97
17
4,369
tlsh:T19F4BF8916B40DB8BC2B3D08DCA814A3568C128438272B774CEC9F5B1068615CEFBCD02D5EAED158B78AB1212D662BF106A4DFDE9247DBBD730D311A12D2F3CDA239975C59E
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инарҭбааны аилацәажәара мҩаԥигеит Ахада Иадминистрациа, Аиҳабыра рнапхгара, ақалақьтәи, араионтәи администрациақәа рхадацәа, апарламенттә еилакқәеи аӡбаратә еилазаареи рнапхгаҩцәа алархәны. Аилацәажәараан аҳәынҭқарра Ахада аиԥылара иалахәыз Урыстәылатәи Афедерациахь иусуратә ныҟәара алҵшәақәа рылеиҳәеит. Иара убас аилацәажәараҟны иахцәажәеит афымцамчтә шәарҭадареи аекономикаҿы иактуалтәу азҵаарақәеи. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16112/
2024-02-21T14:47:58Z
<urn:uuid:3e3a550e-1e0a-40bb-af42-589eb78b0ec9>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.78
0.8
0.94
10
1,684
tlsh:T1FC782D316840EB8BC6B3C4AADA424E34ACC1684605627760CF89B5B10782049EBBCC13D6BBE5254B64EB0506D196BA21A90DFDE9257DAAC7304242A12C3F78DD37947685DE
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Ҭырқәтәыла Жәлар реизара ду ахантәаҩы Нуман Куртулмус диҧылеит. Папуашвили аҭырқәа иколлега апарламент ахантәаҩыс иалхра идиныҳәалеит. Шьалуа Папуашвили Нуман Куртулмуш диацәажәеит аусеицура анагӡара азҵааразы. «Ҩ-парламентк реизыҟазаашьақәа ҳрылацәажәеит, ахантәаҩцәеи, акомитетқәеи, аиҩызаратә гәыҧқәеи рыҩаӡараҟны аусеицура арҭбааразы ҳаиқәшаҳаҭхеит», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили. Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак рстратегиатә партниорреи, еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицуреи иалацәажәеит. Иара убас, Аахыҵ Кавказ арегионаҿ аҭагылазаашьагьы иазааҭгылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла апарламент апресс-маҵзура. АПОЛИТИКА Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили 3 Еиҧшу Шьалуа Папуашвили – Сара аглобалтә коррупциа азҵаарақәа рзы Америка Аҳәынҭқарратә департамент акоординатор Ричард Непиу иҟны аиҧылара бзиа мҩаҧызгеит, иара Қырҭтәыла апрогресс ибзианы дахцәажәеит Шьалуа Папуашвили – Илиа II ақырҭуа доуҳатәреи амилаҭтә хдырреи арҕәҕәараҿы хәы змам алагала ҟаиҵеит Шьалуа Папуашвили – Ахадаратә ҵакы змоу 2 шьаҿак рҟынтә ак ҟаҵоуп, акандидат астатус ҳаухьеит, ҳара активла аусура наҳагӡоит ҳтәыла Евроеидгыла алахәылас иҟаларцаз Шьалуа Папуашвили – Евроеидгыла иалоу еиуеиҧшым атәылақәа рыбжьара уажәазы имҩаҧысуа адискуссиа Қырҭтәыла иаҧырхагахом, Қырҭтәыла ауааҧсыра аӡбара иаша иазыҧшуп Шьалуа Папуашвили – Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара астратегиатә партниорра ҳахәаҧшуеит командак аусура аҳасабала Шьалуа Папуашвили аофициалтә визитла Бақәаҟа ддәықәлеит Шьалуа Папуашвили – Импыҵахалоу Гал ампыҵахаалара агәымбылџьбара аазырҧшуа ихьанҭаӡоу даҽа фактк ҟалеит Шьалуа Папуашвили – Европатәи ахеилак Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи ирыдҳәаланы Еврокомиссиа иҟанаҵаз абжьагара иазҧхьагәанаҭап ҳәа ҳгәыҕуеит Шьалуа Папуашвили – Вашингтон имҩаҧысуа асаммит аан Қырҭтәыла адгылара ҕәҕәа азаарҧшызароуп, Қырҭтәыла, апараметрқәа зегьы рыла алахәызааразы ихиоуп, НАТО аполитикатә аӡбара аднакылароуп Шьалуа Папуашвили – НАТО Евроеидгыла азнеишьа рхы иадырхәароуп, акритериқәа ҳарҳәароуп, уи аҵакы ду амоуп, избанзар, апрогресс аныҟалалак, дара аӡбара шрыдыркыло аадыруазароуп Амш зеиҧшрахо 8° Ах Қaрҭ аҧшь 11° ахә 11° Авалиута акурс $ USD 2.6467 0.002 € EUR 2.8600 0.010 ₽ RUB 0.028614 0.001 £ GBP 3.3378 0.002 TOP 5 Қырҭтәыла аҧыза-министр иаҳасаб ала Иракли Кобахиӡе Бриуссельҟа раҧхьатәи ивизит иалагеит Иракли Кобахиӡе ихы аларихәоит Бриуссель иахьа имҩаԥысуа Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рассоциира ахеиалк аабатәи еилатәара Жозеп Боррель Иракли Кобахиӡе иахь - Ҳаҭыр зқәу аԥыза-министр, Бриуссель шәҭаара Қырҭтәыла европатәи амҩа хәмаррада ишалнахыз иаҳнарбоит Бриуссель имҩаԥысуеит Қырҭтәыла-Евроеидгыла ассоциациатә хеилак аилатәара Вахтанг Махароблишвили - Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рассоциира ахеиалк амш аусхәаԥштә иалоуп Евроеидгыла алалара амҩа
https://1tv.ge/lang/ab/news/sh%D1%8Calwa-papwashvili-%D2%ADmrqtmla-zhlar-reizara-dw-axantauim-diphmleit/
2024-02-21T02:42:30Z
<urn:uuid:bc352ed1-c1a6-47ed-825f-0d52930427b4>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.61
0.98
38
5,198
tlsh:T18768BAB16A08DE0BD5B3D869DB919A327CD1691287527290CED5B870270A198EFFCC0369FAE80A5E70DF1111E122BB112A49FCE7597EBFE7605600A51D3F38DE339836C59E
Игор Иван-иԥа Хәарцкиа (аур. Игорь Иванович Хварцкия; лаҵарамза 15, 1955 ш., Жәандрыԥшь аҟыҭа, Гәдоуҭа араион, Аԥснытәи АССР) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, ажурналист, апублицист. Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура] Хәарцкиа Игор Иван-иԥа - Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу, ажурналистцәа Реидгыла Аконфедерациа алахәыла, Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рассоциациа алахәыла, Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аус иуан Аԥсуа радиои агазеҭ “Аԥсны Ҟаԥшьи” рҿы корреспондентс, ашәҟәҭыжьырҭа “Алашара” редакторс дыҟан, агазеҭ «Республика Абхазия» аҿы аус иуан. Авторс дрымоуп ажәеинраалақәеи апрозатә ԥҵамҭақәеи реизгақәа ԥсышәалеи урысшәалеи. 2009ш. рзы Аԥсуа шәыҟәҭыжьырҭаҿы иҭыҵит иажәабжьқәеи иессеқәеи реизга “Гора мудрецов”. Игор Иван-иԥа Хәарцкиа авторс дрымоуп акыр усумҭақәа адинҭҵааратәи аҭҵаарадырратәи хәыцшьақәа зныԥшуа аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа рыспицифика иазкны, иара убас аусумҭақәа Урыстәыла аҭыԥ ԥшьақәеи аҭыԥ ԥшӡарақәеи ирызкны. Аԥсни уи анҭыҵи еицырдыруа иреиуоуп Л. Регельсони иареи иаԥырҵаз ашәҟәы “Земля Адама”. Иара убас, И.И. Хварцкиа акыр ҩымҭақәа аурыс классика аҟынтә аԥсуа бызшәахь еиҭагоу ажәеинраалақәа авторс дрымоуп. Абиблиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура] Акьыԥхь аҟны - 1980 шықәса инаркы. Ӡыда аҟәара. Аҟәа, 1985 шықәса. Аԥаимбар абра диаст. Аҟәа, 1991 шықәса. Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 941 Абхазское поэтическое слово - на русском и армянском языках://РА[permanent анеишьа амам азхьарԥш]. - 2013. - 4-5июля, (№73). - Ст. 5. - С. Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Хварцкия Игорь Иванович (аур.) Хәарцкиа Игор Иван-иԥа (аԥс.) Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Хәарцкиа,_Игор_Иван-иԥа&oldid=133270 Акатегориақәа: Все статьи с мертвыми внешними ссылками Статьи с мертвыми внешними ссылками from October 2023 Articles with invalid date parameter in template Статьи с навсегда мертвыми внешними ссылками 1955 шықәсазы ииз Лаҵарамза 15 рзы ииз Хәарцкиаа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Аԥсны апоетцәа Аԥсны ажурналистцәа Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 00:23, 4 жьҭаарамза 2023. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A5%D3%99%D0%B0%D1%80%D1%86%D0%BA%D0%B8%D0%B0,_%D0%98%D0%B3%D0%BE%D1%80_%D0%98%D0%B2%D0%B0%D0%BD-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
2024-02-25T09:07:44Z
<urn:uuid:ac8d6f6f-f714-4887-89b9-78d9f5aacbf5>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.73
0.79
0.92
19
4,198
tlsh:T120BF91810040C64BC2B3D0898981C9254DE1680742237275CE92B5B12A4259CEFFCC12E6FDA8568EA0EF4622D257EB146D8EFCD811BC7BD730E600A13DBE39D9179437D79E
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭоит ԥхынҷкәынмза 20 рзы. Бадра Гәынба Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит. Ахада Ихаҭыԥуаҩ ихьӡала Б. Гәынба АШӘА хаҭалатәи аилазаара зегьы ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара, аихьӡарақәа аҭакԥхықәра зцу рмаҵураҟны.
http://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/anounces/13452/?print=Y
2024-02-22T20:29:19Z
<urn:uuid:34ab95f9-97d6-4c79-ab02-592165025b84>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
3
614
tlsh:T11E78C7F028008B9BC673D006DA9149326CC4088252A0B260CECAF2F00B5159ADBBCE139B7E96042A38FB07A1F5B3AB014462EEE4943C7BD7604101D12D3D34D92B9076859E
Анзор Кәакә-иԥа Мықәба (аур. Анзор Кокович Мукба; диит абҵарамза 17, 1946 ш., Оҭҳара ақыҭа, Гәдоуҭа араион, Аԥснытәи АССР) — аԥсуа шҟәыҩҩы, адраматург, аҭоурыхдырҩы, актиор, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы; Аԥсни, Урыстәылеи ашәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа ирылоу, исахьаркыратә аԥҵамҭақәа шамахамзар зегьы аԥсуа жәлар рҭоурыхтә хҭысқәа шьаҭас ирымоуп. Иҭоурыхтә драматәҩымҭақәа Аԥсуа драматә театр аҟны иқәдыргылахьеит. Аиза "Аԥсны Аҳцәа" аҟны автор иҽанишәеит, акыр шәышықәса, Аԥсни, аԥсуа жәлари харада рызҭоз аҳцәа Чачаа (Чачба, Шервашиӡе) рабшьҭра ашьақәыргылара. Аҭоурыхтә хыҵхырҭақәеи, жәлар рҳәамҭақәеи ихы иархәаны, аԥхьаҩцәа ирыдигалоит иаазыркьаҿу урҭ рҭоурых, иааирԥшуеит урҭ зхааныз аамҭа иатәу ахҭысқәа. Ашәҟәы рызкуп зыԥсадгьыли зуаажәлари рҭоурых иазҿлымҳау зегьы. Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Мукба Анзор Кокович (аур.) Мықәба Анзор Кәакә-иԥа (аԥс.) Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Мықәба,_Анзор_Кәакә-иԥа&oldid=126001 Акатегориақәа: Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Аԥсны аҭоурыхдырҩцәа Аԥсны актиорцәа Мықәаа 1946 шықәсазы ииз Абҵарамза 17 рзы ииз Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 20:57, 23 мшаԥымза 2023. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9C%D1%8B%D2%9B%D3%99%D0%B1%D0%B0,_%D0%90%D0%BD%D0%B7%D0%BE%D1%80_%D0%9A%D3%99%D0%B0%D0%BA%D3%99-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
2024-03-01T18:52:00Z
<urn:uuid:01f5c8a7-09d3-496b-ad2d-4bc6c821f883>
[ "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.86
0.91
0.93
11
2,339
tlsh:T1AD09C341ACC0CB8FD6B3D0995A928E3B49D1680203623274CF96B0B55B85159FBECD12E7F9E8148DA4B71536D2A2AF206A1EFDE9653819E331E200A1382F24ED276437D5DD
Иракли Ҕарибашвили – Еилыккаа исҳәар сҭахуп, Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус ахәҭоуп, уи ари аҿкаара алалара ҳзаанагоит, абиҧарақәа рацәа ргәазыҳәара лабҿабарас иҟанаҵоит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Ҕарибашвили – Еилыккаа исҳәар сҭахуп, Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат аст... Иҵегь аҭагалара Иракли Ҕарибашвили – Еилыккаа исҳәар сҭахуп, Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус ахәҭоуп, уи ари аҿкаара алалара ҳзаанагоит, абиҧарақәа рацәа ргәазыҳәара лабҿабарас иҟанаҵоит 22:53, 22.09.2022 «Ирҕәҕәоу евроатлантикатәии европатәии аинтеграциа — уи ҳҭоурыхи, ҳкультуреи, насгьы, зегьы раасҭа ихадоу, ҳмилаҭтә принципқәеи зцеиҩаҳшо европатәи амилаҭқәа рҭаацәарахьы ҳзырхынҳәуа мҩоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа Хада 77-тәи асессиаҿы данықәгылоз. Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла европатәии евроатлантикатәии интеграциа ахырхарҭала ҧхьаҟацара нанагӡоит. ««Адунеизегьтәи аиашаӡбара апроект» ала ицәыргаз азин аиҳаӡара аиндекс аҿы, Қырҭтәыла, Мрагыларатә Европеи Ацентртә Азиеи арегионаҿ актәи аҭыҧ ааннакылоит, «Абиуџьет аартызаара аиндекс» аҿы — адунеиаҿ актәи аҭыҧ ааннакылоит, аекономикатә хақәиҭра иазкны «Фреизер иинститут» 2011 шықәсатәи адыррақәа рыла, ҳтәыла, Сингапури Швеицариеи инарываргыланы, адунеи иреиҕьу ахәбарак ирылоуп. Аҧсҭазаара ахаҭабзиара аглобалтә база инақәыршәаны, Қырҭтәыла адунеиаҿ зегьы реиҳа ишәарҭам аҳәынҭқаррақәа иреиуп, 14-тәи аҭыҧ аанаҳкылоит. Америкеи Европеи рзааигәахара инаваргыланы, ҳара адемократиатә аиҭакрақәа рынагӡаразгьы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит». Ирҕәҕәоу евроатлантикатәии европатәии аинтеграциа — уи ҳҭоурыхи, ҳкультуреи, насгьы, зегьы раасҭа ихадоу, ҳмилаҭтә принципқәеи зцеиҩаҳшо европатәи амилаҭқәа рҭаацәарахьы ҳзырхынҳәуа мҩоуп. Ҳара европатәии евроатлантикатәии интеграциа ахырхарҭала ҧхьаҟацара ҳаҿуп. Абри ахықәкы ҳшақәныҟәо убарҭоуп инаҳагӡахьоу аусқәеи ареалтә алҵшәақәеи рыла, урҭ рыбжьара, Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭреи, Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭреи, Евроеидгылаҿы авизадатә режими рылагьы», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили. Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, Евроеидгыла алалара алшара – Қырҭтәылеи уи ауааҧсыреи рзы амотивациа ҕәҕәоуп. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла, зыҧшра ҟамҵакәа Европатәи ахеилак аӡбара иақәҿнаҭит. «Аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа зегьы рыла аусуратә гәыҧқәа еиҿкаауп, урҭ ирылахәып иаҿлымҳау аганқәа зегьы. Ҳара апрогресс ҳаур ҳҭахуп, аграфик ҳаҧысуеит. Сара еилыккаа исҳәар сҭахуп, Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус ахәҭоуп, уи ари аҿкаара алалара ҳзаанагоит, абиҧарақәа рацәа ргәазыҳәара лабҿабарас иҟанаҵоит», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили. АПОЛИТИКА ЕАР aссaмблеиa хaдa Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили 4 Еиҧшу Иракли Ҕарибашвили – Агәра ганы сыҟоуп ҳара аглобалтә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны алҵшәа дуқәа шҳауа, адунеитә масштабла изҩыдоу, ишәҭыкакаҷу аҧеиҧш аиқәыршәара шҳалшо Иракли Ҕарибашвили адунеитә економика алидерцәа иформалымыз ршьыбжьхьа ихы алаирхәит Иракли Ҕарибашвили аилахәыра TAQA анапхгаҩы диҧылеит Аҳәынҭқарра, зынхарҭатә ҭагылазаашьа цәгьоу 1000 ҭаацәара анхарҭа ҿыцқәа рнаҭоит Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду ргәырҕьаҵәа иаҧыларц рзеиҕьасшьоит, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаҧсадгьылгьы Анцәа илҧха ҳагымзааит, аҭынчра ҳамазааит Иракли Ҕарибашвили Хавиер Коломина диҧылеит Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ари аус ҳазықәҧон, аус аауан, атәыла анапхгареи ажәлари ари астатус ҳҽаҧсаҳтәит Иракли Ҕарибашвили Урсула фон дер Лаиен лахь - Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит, ари аӡбара Қырҭтәылеи европатәи адемократиақәа рҭаацәареи ҕәҕәала еиднаҳәалоит Иракли Ҕарибашвили Евроеидгылаҿ ахантәаҩра змоу атәыла – Испаниа аҧыза-министр иахь - Қырҭтәыла, Евроеидгыла ҳаҧхьаҟатәи алахәыла аҳасабала, Европа ашәҭыкакаҷраҿы зҵакы дуу ароль нанагӡоит Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель иахь – Ҳажәлари анапхгара ззызуа аиҳабыреи ҳазну амчыбжь азы Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит Амш зеиҧшрахо 1° Ас Қaрҭ амҽ 2° ашә 3° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Каха Калаӡе - Иракли Кобахиӡе зегьы реиҳа ибзианы идыруеит аиҳабыра ирызкны идикылаша аӡбара Иахьа инаркны аӡыргаратә ацҳамҭақәа рышьҭра адресат иқәшаҳаҭра мацара ашьҭахь алшахоит Павел Ҳерчински - Анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи аганахьала Қырҭтәыла аҧхьагылара шамоу аазырҧшуа аҭҵаарақәа гәахәаала аҧара рзоуҳажьҭуеит
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-gharibashvili-eilmkkaa-ishar-s%D2%ADaxwp-qmr%D2%ADtmla-evroeidgmla-alalarazm-akandidat-astatws-ax%D2%ADowp-wi-ari-atchvkaara-alalara-hzaanagoit-abi/
2024-03-02T00:31:33Z
<urn:uuid:39216bc7-82f2-46b8-ab1a-eab147389823>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.6
0.96
53
8,558
tlsh:T147F3B4029944D70BE573C149CBA08A323DD2790B83617260CED9F9716A4A098FFFCD1399B9E84A5A709B1516E162BF002609ECE718BEBBD7B11340B45D3F34DE2B98718A9D
Миха Алықьсандр-иԥа Лакрба ма Миха Аҳмаҭ-иԥа Лакрба (аур. Михайл Александрович (Ахматович) Лакрба (Лакербай); ажьырныҳәамза 19, 1901 ш., Мархьаул ақыҭа, Кәыдрытәи аучастка, Аҟәатәи аокруг — жьҭаарамза 15, 1965 ш., Москва) — Аԥсуеи асоветтәи шәҟәыҩҩы, апоет, адраматург, асценарист, атеатрҭҵааҩы, ажурналист, арратә корреспондент. Аԥснытәи АССР аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩы (1961). Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду далахәын. Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура] Миха Лакрба ихәыҷреи иқәыԥшреи ашықәсқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Миха Аҳмаҭ-иԥа Лакрба диит Мархьаул ақыҭан, 1921 шықәса ажьырныҳәамза 19 аҽны. Миха иабацәа аамсҭцәан. Иангьы Мархьаултәын, Мина лыхьӡын, Белал Ешба иԥҳа лакәын. Аҳмаҭи Минеи фҩык ахшара рыман – хҩык аԥҳацәеи хҩык аԥацәеи. Миха Лакрба еицырдыруа шәҟәыҩҩны дшьақәгылартә, ашәҟәҩыра амҩа дықәлартә дҟазҵаз, иԥсҭазаара убри ахырхарҭа аиуртә иҳәаақәызҵаз аҭагылазаашьақәа иоуит даныхәыҷыз инаркны. Зегь реиҳа иара ԥсабарала илаз ибаҩхатәра арҿыхара иацхрааит дахьиз аҩнаҭаҿы иоуз ааӡара зҩыда. Дахьиз, дахьааӡаз аҭаацәараҿы аҵара ду змаз ҳәа аӡәгьы дыҟамызт, аха иаби иани аҵара зыԥсаз еилыркаауан. Аҩнаҭаҿы аԥсуа традициатә ҵасқәа аҳра руан. Анеи- ааи дрыгмызт, лассы-лассы асасцәа дахьқәа рҭаауан. Ахәыҷқәа акыр ргәы ҭыганы ирааӡон. Миха иаб Аҳмаҭ иҩнаҭаҿы Аԥсны еицырдыруа иҟаз ажәабжьҳәацәа аӡәырҩы неирҭа-ааирҭас ирыман. Миха данхәыҷыз инаркны абра иаҳауан аԥсуаа рҭоурых аҟынтә илахьеиқәҵагаз ахҭысқәа, афырхаҵаратә жәабжь ссирқәа, алакәқәа, алафқәа, ахьӡыртәрақәа, еиуеиԥшым ажәабжьқәа. Иан Минагьы ачамгәыррҳәара дазҟазан. Миха иаб иҩнаҭаҿы днанагахьан Аҷандара ақыҭантәи абаҩхатәра ду злаз аԥхьарцарҳәаҩы Жана Ачба. Миха Лакрба даныхәыҷыз инаркны абзиа дазҿлымҳан, аҵара ихшыҩ азцон, илеишәа бзиан. Ԥсабарала алахҿыхра згымыз, агәынкылара бзиа злаз даныхәыҷыз инаркны аиҳабацәа ирҳәоз ажәабжьқәа ихшыҩ рзышьҭны дырзыӡырҩуан, игәникылон. Усҟантәи аамҭазы аҵара, ашәҟәыԥхьара, ашәҟәҩыра рыӡбахә аԥсуа жәлар иаарылаҩхьан. Қыҭақәак рҿгьы ашколқәа аадыртхьан. Аха аҵара зхәыҷқәа адзыԥхьалоз маҷҩын. Миха иани иаби, Минеи Аҳмаҭи, ракәзар, хьаҳәаԥаҳәада аҵарахьы амҩа алхра зыԥсаз еилкааны ирыман. Ҷыдалагьы заанаҵы игәарҭеит Миха агәырҵҟәыл бзиа шимаз. Убри аҟнытә иашьеиҳаб Ваниагьы иаргьы Мархьаултәи ауахәаматә школ иҭарҵеит. Аишьцәа аҩыџьагьы абра аҵара рҵон ԥшьышықәса. Аброуп Михагьы ашәҟәыԥхьара агьама ахьикызгьы. Аха рыцҳарас иҟалаз, усҟан аԥсышәала аҵара ддырҵомызт, аурысшәала мацара акәын, ақырҭшәагьы иахысуан. Михеи Ваниеи ари ашкол ишҭаз раб дыԥсуеит. Уинахыс ран Мина лоуп ахәыҷқәа зааӡоз. Миха Лакрба ибиографцәа изларыҩуа ала, Мина даара акрызлаз, адырра змаз, еиҿкааз ԥҳәысын, аԥсуа бызшәа анаҩсгьы х-бызшәак – аурысшәа, ақырҭшәа, агыршәа – лдыруан. Миха иаб иԥсра акыр ишырныԥшызгьы, ран аҷкәынцәа рҩыџьагьы Аҟәа иааганы Ашьхарыуаа рышкол иҭалҵеит. Аҵарадырра аиура ашықәсқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Миха Лакрба Ашьхарыуаа рышкол дҭалеит 1913 шықәсазы. Уи даналга ашьҭахь Аҟәатәи ареалтә училишье далгеит, ақәҿиара бзиақәа иманы 1918 шықәса рзы. Ашьхарыуаа рышколи Аҟәатәи ареалтә училишьеи усҟантәи аамҭазы Аԥсны иҟаз аҵараиурҭақәа иреиӷьын. Насгьы аҩыџьарагьы аурысшәа инаваргыланы аԥсуа бызшәагьы ддырҵон. Абарҭ аҵараиурҭақәа рыҟны Миха Лакрба арҵаҩцәа бзиақәа иман, аҩызцәа бзиақәагьы ирҳаит. Абра аҵара аниҵоз ауп Миха Лакрба асахьаркыратә литература агьамагьы аникыз. Дырзааигәахеит Дырмит Гәлиеи Самсон Ҷанбеи, даргьы дгәарҭеит. Насгьы иара ииааиԥмырҟьаӡакәан аурыси адунеитәи литературақәа рклассикцәа дуқәа рҩымҭақәа дрыԥхьон. Аҵараиурҭақәа рҟны иоуз аршаҳаҭгақәа шаҳаҭра руеит ибзиаӡаны аҵара шиҵоз. Миха Лакрба Аҟәа аҵара аниҵоз ауп аԥсуа литература аниз. 1912 шықәсазы Қарҭ иҭыҵит Гәлиа раԥхьатәи ипоезиатә ҩымҭақәа реизга «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи», 1919 шықәсазы аҭыҵра иалагеит Дырмит Гәлиа еиҿикааз аԥхьаӡатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны». Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла инақәырццакны аҭыҵра иалагеит агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь». Ари агазеҭ аԥхьатәи редакторс иарҭазгьы ҩажәа шықәса зхыҵуаз Миха Лакрба иакәын. Агазеҭ ахьыӡгьы иара иеиҭеит. 1925 шықәсанӡа редакторсгьы даман. 1925 шықәсазы Миха Лакрба иҵара иациҵарц Қарҭ дцан, уа аполитехникатә институт аиурист-економисттә факультет дҭалеит. Ари аинститут данҭаз аҵара бзиаӡаны иҵон, насгьы напхгара аиҭон Қарҭ аҵара зҵоз аԥсуа студентцәа рхеидкыла. Уа аҵара даналга ашьҭахь Аҟәа даан, аамҭаказы адукатцәа рколлегиа аҟны аус иуан, аха имаз алитературатә гәаҳәара ҭаха инаҭомызт. 1930 шықәсазы иара Москваҟа дцеит. Уа акино-драматургцәа ахьазыҟарҵоз Иреиҳаӡоу акурсқәа рҿы аҵара дҭалеит. Урҭ акурсқәа рҿы шықәсык инеиҳаны аҵара иҵон. Уи даналга ашьҭахь, аурыс шәҟәыҩҩы ду Михаил Шолохов ицхыраара ала аусра далагеит «Восток- кино» ҳәа изышьҭаз акинофабрикаҿы. Уа иара ауаа дуқәа драбадырт, аҩызцәа ирҳаит. «Восток-кино» аҟны иҩит акиносценариқәа: «Амра ашәҭ», «Тҟәарчал», «Ҩ-цаԥхак», «Аиаҵәара иалоу аԥҳәыс». Усҟантәи аамҭазы ас еиԥш акиносценариқәа раԥҵара акыр аҵанакуан, еихьӡара дуун. Акиноҟазара аҿиара ианаҿыз, аԥсуа шәҟәыҩҩгьы алагала иҟаиҵаз ауаа ирбарҭахеит. Миха Лакрба СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылахь аԥхьа ирыдыркылаз ашәҟәыҩҩцәа дреиуан. Уа дрыдыркылеит 1938 шықәса рзы. Миха Лакрбеи 1941–1945 шш. аибашьра Дуи[аредакциазура | акод аредакциазура] 1941 шықәса рашәарамза 22 аҽны афашисттә Германиа еибашьрыла Асовет Еидгыла иақәлеит. Миха Лакрба дырҿиаҩын, ихы ныԥхьеикыргьы ҟалон, аха иара ус ҟазҵоз дреиуамызт. Аибашьра ианналагаҵәҟьа, хатәгәаԥхарала арзаҳал ҩны афронт ахь дцеит. Далахәын 1941–1942 ашықәсқәа рзы Севастополь ахьчаразы ицоз аибашьра ӷәӷәа. Убра дшеибашьуаз, Севастополь аӷацәа рнапаҿы ианаарга, иара дытҟәаны Днепропетровсктәи алагер ахь дыргеит. Уа дычмазаҩхеит, атиф ихьит. Маҷк данеиӷьха, иҩызцәа хҩык ицны дыбналт. Акыр мза абна дылан, аҵыхәтәан Ар Ҟаԥшь ротриад ахь аиасра рылдыршеит иҩызцәагьы иаргьы. Уи ашьҭахьгьы дрылахәын аиааиразы ицоз акыр ажәыларақәа, Каменка инаркны Тирасполь аҟынӡа. Аамҭала зынгьы афронт аҿы иҭрыжьуаз агазеҭ «За победу» редакторс даман, даҽазныхгьы аибашьратә трибунал аҿы аус иуан, зныхгьы адивизиатә газеҭ «На штурм врага» аредакциаҿы дыҟан. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Аибашьраҿы ауадаҩра дуқәа ихганы, игәабзиарагьы акыр иуашәшәыраны иԥсадгьыл ахь дгьежьуеит. Ара иара тәамҩахә ҟамҵакәа алитература иҽаҭаны, арҿиара далагеит. Даҽа маҵурак усгьы дашьҭамызт. Апиесақәа рыҩра даҿын, Аԥсны ладеи ҩадеи ақыҭақәа дрыланы, абыргцәа дрыҿцәажәаны, ажәлар рҿаԥыцтә ԥҵамҭақәа аниҵон. Ииҩуаз, ихигахьаз, аԥсҭазааратә ԥышәагьы инаҭон. Аха, абри аамҭазы иара игәҭакқәа хзырбгалаз азалымдара ду дақәшәоит. 1947 шықәса ԥхынгәымза 5 рзы, харада ахара идҵаны, дыкны дҭаркит, Варкутаҟа дахганы дыргеит. Ари Бериа иҩызцәеи иареи еиҵарҟәаҟәаз ус ҟьашьын. Ԥшьышықәса инареиҳаны иԥсадгьыл хьчо аибашьра мцабыз дахьалагылаз азмырхакәан, гәрамгас дыԥхьаӡаны. Афронт аҟны еиԥш алагер аҟынгьы акырынтә аԥсра абла дҭаԥшхьан. Аха зиашара агәра наӡаны изгоз ус иҽеиҭомызт. 1955 шықәса жәабранмза 5 аҽны Миха Лакрба иоуит акгьы шихарамыз, иԥсадгьыл ахь аара азин шиоуз атәы зҳәо ашәҟәы. Усҟан иара 55 шықәса дырҭагылан. Иара иқәра акыр ишмаҷмызгьы, аамҭагьы акыр шиццәахьазгьы, аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟала акыр дзыргәырӷьашаз ахҭысқәа ҟалеит. Иара еиҳараӡак Москва дынхон, уа аус иуан, ирҿиаратә усқәагьы рӷьырак ари ақалақь иадҳәалан. Миха Лакрба иԥсҭазаара далҵит 1965 шықәса жьҭаарамза 15 аҽны, Москва. Уи Аԥсны жәлар зегьы даара ргәы далсит. Иԥсыбаҩ ааганы Аҟәатәи ашьхаҿы ҳаҭырқәҵара дула иналукаауа ашәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон аҿы анышә дамардеит. Миха Лакрба аԥсуа литературеи адраматургиеи рыҟны илагала[аредакциазура | акод аредакциазура] Аҵыхәтәантәи жәашықәса азоуп Миха Лакрба иҩымҭақәа инарҭбааны, Аԥсны анҭыҵгьы, егьырҭ акыр тәылақәа рҿгьы ирдырыртә ианыҟалаз. Иара аҳаҭырқәҵара ду дшаԥсахаз, ажәлар рыбзиабара шиоузгьы агәра узырго акакәны иҟалеит 1961 шықәсазы, диижьҭеи 60 шықәса аҵра иазкны аиубилеи инарҭбааны иахьазгәарҭаз. Урҭ ашықәсқәа рзы идраматә ҩымҭа лыԥшаахқәа аԥсуа театр асценаҿы иқәдыргылеит, иҭыҵит аԥсышәалеи, урысшәалеи, егьырҭ акыр бызшәақәеи рыла иновеллақәа. Иҩымҭа лыԥшаахқәа знылаз аԥхьаӡатәи аизга «Апиесақәеи аскетчқәеи» ҳәа хьӡыс иаманы иҭыҵит 1956 шықәсазы, Аҟәа. Миха Лакрба алитературатә жанрқәа акыр рҿы иҽԥишәеит. Иара аԥхьа дпоет лирикны дцәырҵит, нас апублицистикатә статиақәа иҩуан, еиҳараӡакгьы апиесақәа, акинофильмқәа рзы асценариақәеи, аоперақәа рзы алибреттоқәеи, ановеллақәеи иҽрыдцаланы иҩуан. Аха апоезиагьы зынӡа даҟәыҵны дыҟамызт. Иԥсҭазаара еиуеиԥшым аетапқәа рҿы, иналаршә-ҩаларшәны акәзаргьы, ажәеинраалақәа аԥиҵеит. Убас, ажәлар рҳәамҭа асиужет шьаҭас иамоуп иара иҩымҭа «Риҵа», аинтерес рыгым иахьагьы «Сара сашьа», «Зҽызмырҭынчқәо шәахь», «Ашәа Аҟәазы», «Ӡызлан» уҳәа убас егьырҭгьы. Иалукаартә иҟоуп Миха Лакрба Сибраҟа дахганы даныҟаз ииҩыз ажәеинраала «Ажәҵыс». Миха Лакрба акыр аус иухьан аԥсуа драматургиа арҿиаразы. Иҩымҭақәа шәҟәны иҭыҵаанӡа, аспектакльқәа рылхын, ҿырԥштәыс иаагозар, 1938–1940 шықәсқәа рзы аԥсуа театр асценаҿы ицон Миха Лакрба иҩымҭа апиеса ала иқәыргылаз аспектакль «Гьечаа рҵыхәтәа». Аҭоурых - револиуциатә темп ала иҩуп ҩ-қәгылараки быжь-сахьаки змоу идрама «Ҩынҩажәа шьаҿа». Миха Лакрба ирҿиамҭақәа иаарылукаартә иҟоуп ԥшь-қәгылараки жә - сахьаки змоу аҭоурыхтә драма «Аиларҭәа ссир». Уи азкуп 1859–1862 шықәсқәа рзы Аԥсны имҩаԥысыз, лымкаалагьы Далааи Ҵабалааи ирхыргаз ахҭысқәа. Миха Лакрба ибаҩхатәра даҽа ганкгьы хымԥада аӡбахә ҳәатәуп. Иара атеатр бзиа ибон, дадҳәалан аҟынтә, аԥхьаӡакәны 1957 шықәса рзы, Аҟәа, урысшәала иҩны иҭижьит ашәҟәы «Аԥсуа театртә ҟазара аҭоурых ахьтә аочеркқәа» ҳәа хыс иаманы. Абасала, Миха Лакрба апоезиаҿгьы апублицистикаҿгьы акыр аус иуит. Аха, Аԥсны анҭыҵ, акыр харагьы абаҩхатәра ду змоу шәҟәыҩҩык иаҳасаб ала деицырдыруа дҟазҵаз, Москва, 1957 шықәсазы иҩымҭақәа реизга «Аԥсуа новеллақәа» урысшәала ианҭыҵ ашьҭахь ауп. «Аламыс» ҳәа зеиԥш хьӡыс иаманы Миха Лакрба иновеллақәа реизга аԥсышәала аԥхьаӡа ианҭыҵызгьы 1959 шықәсазоуп. Арҭ ановеллақәа аԥхьаҩцәа ирласны ирылаҵәеит, бзиа ирбеит. Урҭ раӷьырак акыр абызшәақәа рахь еиҭаганы агазеҭқәеи ажурналқәеи рҿы иркьыԥхьит. Миха Лакрба абарҭ иҩымҭақәа ирыбзоураны аԥсуа жәлар рыхьӡ - рыԥша акыр ахара инаҩит, иззымдыруаз идирдырит. Ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаара далҵаанӡа ановелла ажанр аҿы аус шиуц иуан. Урҭ рхыԥхьаӡара шәи жәаба иреиҳауп. Миха Лакрба иновеллақәа ауаҩы еилыхха инарбоит аԥсуаа аӡәи-аӡәи реизыҟазаашьақәа зеиԥшроу, рҭаацәаратә еизыҟазаашьақәа шеиҿкаау, ахьӡи ахьмыӡӷи, аламыси аламысдареи ишырзыҟоу, аԥсадгьыл абзиабара рылаҽны иахьынӡаҟоу, афырхаҵареи ашәыргәындареи, ауаҩытәыҩса ицқьара, иажәеи иуси реимадара. Миха Лакрба иновеллақәа еиҳараӡак изызку аԥсуа жәлар рҟазшьа бзиақәа рӡыргареи рзышәаҳәареи ауп. Дара зегьы ҟазара ҳаракыла иҩуп, еиуеиԥшым аԥсҭазааратә зҵаарақәа шьҭырхуеит, аамҭа цацыԥхьаӡа урҭ рыхә еиҳа - еиҳа ишьҭыҵуеит. Аинтерс ду амоуп урҭ злаҩу абызшәа, реиҿкаашьа, рстиль. Ановелла ажанр ишаҟазшьоу еиԥш, акык-ҩбак ахҭысқәа, аепизодқәа рыла ауп ишышьақәгылоу. Еиҳараӡак дара ажәлар рыбзазаратә лакәқәа ирзааигәоуп сиужет еилазаашьалагьы, бызшәалагьы, композициалагьы, стильлагьы. Афильмқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Миха Лакрба иновеллақәа ирылхны 2019 шықәсазы иҭыхын икьаҿу афильмқәа быжьба. Уи азы афинанстә цхыраара ҟанаҵеит амобилтә еимадара «Амобаил». Аҭыхрақәа мҩаԥысуан Аԥсны араионқәа зегьы рҿы. «Аб», «Ианаамҭамыз», «Абабыц», «Аешьцәа», «Асас», «Аиҩызцәа», «Арупап» – арҭ абыжь-новеллак рҭыхра иалахәын аԥсуа театр актриорцәа реиԥш, иаабац ауаагьы. Аԥсуа режиссиорцәа ҿарацәа рҽеизганы рҽазыршәеит доусы икьаҿу фильмк Миха Лакрба иновеллақәа рыла аҭыхра. Иҳәатәуп иҭырхыз быжь-фильмк аԥсышәала ишцәажәо. Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 902-903 ИНАЛ-ИԤА, Ш. Аԥсуа литература аҭоурых аҟынтә. Аҟәа, 1961 ш. АНҚӘАБ, В. П. Аԥсуа новеллақәа. Аҟәа, «Алашара», 1968 ш. АНШБА, А., ДАРСАЛИА, В. Миха Лакрба. Арҿиаратә портрет. Аҟәа, «Алашара», 1978ш. ҚАПБА, Руслан. Миха Лакрба (Иԥсҭазаареи ирҿиамҭеи). Аҟәа, «Алашара», 1980ш. Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Лакрба Михайл Александрович (аур.) Лакрба Миха Алеқсандр-иԥа (аԥс.) Михаил Лакербай Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Лакрба,_Миха_Алеқсандр-иԥа&oldid=135892 Акатегориақәа: 1901 шықәсазы ииз Ажьырныҳәамза 19 рзы ииз 1965 шықәсазы иԥсыз Жьҭаарамза 15 рзы иԥсыз Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Аԥсны апоетцәа Аԥсны ажурналистцәа Асовет шәҟәыҩҩцәа Асовет поетцәа Лакраа Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 23:31, 11 жәабранмза 2024. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9B%D0%B0%D0%BA%D1%80%D0%B1%D0%B0,_%D0%9C%D0%B8%D1%85%D0%B0_%D0%90%D0%BB%D0%B5%D2%9B%D1%81%D0%B0%D0%BD%D0%B4%D1%80-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
2024-02-26T00:24:49Z
<urn:uuid:8073ccb5-491e-4cc5-ba58-3f9f2c207cc0>
[ "footer", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.95
0.92
0.98
38
23,154
tlsh:T122C348A29D40CF4BC6B3C594CA9189352CD1785343727361CEC5F4B525420A8EBFCD039AFAF8169BB4AF1122D622BF106A4AECE9257D7EE7719240A16D3F38CE279476D29E
https://sputnik-abkhazia.info/20190714/Antsaa-Antsarnyara-Khykh-iou---abshra-iatu-anaa-rnya-1027911037.html Анцәаҳәа, Анцәарныҳәара, Хыхь иҟоу - абшьҭра иатәу аҩнаҭа рныҳәа Анцәаҳәа, Анцәарныҳәара, Хыхь иҟоу - абшьҭра иатәу аҩнаҭа рныҳәа Sputnik Аҧсны Аԥсуа жәлар рамзар ныҳәарақәа рҿы иалкаау аҭыԥ ааннакылоит Анцәаҳәа, ма Хыхь иҟоу ҳәа аныҳәара. Абжьыуаа рҟны иаҳа иалаҵәаны уи ахьӡ шыҟоу Анцәарныҳәара ҳәа... 14.07.2019, Sputnik Аҧсны 2019-07-14T17:45+0300 2019-07-14T17:45+0300 2019-07-14T17:45+0300 https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102591/50/1025915029_0:183:1280:903_1920x0_80_0_0_4e2a4366e5c1cd45bc84b93c8fb17abb.jpg Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 2019 Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Ажәабжьқәа ab_AB Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 1920 1080 true 1920 1440 true https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102591/50/1025915029_0:0:1276:956_1920x0_80_0_0_40c3f5372488c7490e11695007ba2eed.jpg 1920 1920 true Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Sputnik Аҧсны аԥсны, жәлар рдоуҳа аԥсны, жәлар рдоуҳа Анцәаҳәа, Анцәарныҳәара, Хыхь иҟоу - абшьҭра иатәу аҩнаҭа рныҳәа 17:45 14.07.2019 © Фото : Есма ҬодуаԥҳаАқәаб акныхра - ажьрацәара ныҳәара © Фото : Есма Ҭодуаԥҳа Анапаҵаҩра Аԥсуа жәлар рамзар ныҳәарақәа рҿы иалкаау аҭыԥ ааннакылоит Анцәаҳәа, ма Хыхь иҟоу ҳәа аныҳәара. Абжьыуаа рҟны иаҳа иалаҵәаны уи ахьӡ шыҟоу Анцәарныҳәара ҳәа ауп. Иазгәаҭатәуп, иара аԥсуаа ҳныҳәа ду Ажьырныҳәа аиҳагьы ихадараны ишахәаԥшуа уа. Анцәарныҳәара абжьыуаа рҟны ишымҩаԥырго атәы дазааҭгылоит Есма Ҭодуа лматериал аҟны. Есма Ҭодуа, Sputnik Анцәарныҳәаразы аныҳәаҩ иқәырыгылара Анцәарныҳәара ҭаацәашәала имҩаԥырго ныҳәароуп, уи еиднакылоит абшьҭра иаҵанакуа ауаа. Бзыԥаа рҟны иара Хыхь иҟоу ҳәа азырҳәоит. Иара мҩаԥыргоит ааԥынра анҵәамҭази аԥхыни. Ҳара ҳреспондентцәа ари аныҳәа аназгәарҭо иульмзазы ауп. Акәырбан – аҿаҭахьа шрықәырҵои, уи анагӡашьеи ирызку зҵаарақәак Иазгәаҭатәуп ари аныҳәа есышықәса иазгәазҭо шыҟоугьы, аиҳарак хышықәса рахь знык, ма хәышықәса рахь знык ишымҩаԥырго. Ари аныҳәара аҵакы атәы ҳара ҳиазҵааит "Аԥшьаҭыԥ" амаҵ азызуа аныҳәаҩ Борис Қәҭелиа, иара ихаҭагьы изныкымкәа ари аныҳәара мҩаԥигахьеит. © Foto / Есма Тодуа"Аҧшьаҭыҧ" аныҳәаҩ хада Борис Қәҭелиа "Аҧшьаҭыҧ" аныҳәаҩ хада Борис Қәҭелиа © Foto / Есма Тодуа "Анцәарныҳәара ҳәа иҟоу, уи иара ус аҳәара иашаӡам, Анцәа аӡәы иоуп иҟоу, Анцәа-ҳәа ауп ишныҳәо. Анцәахәқәа рацәами, анцәахәқәа рацәоуп, аха Анцәа аӡә иоуп. Уа ашьтәа, ашкәакәа гра змам, хышықәса иреиҵамзароуп, нас ақәаб, абҩатәы қәаб дыргылоит, акәакәарқәа, ацәашьы – абри ауп изыхныҳәо. Ақәаб абас икнаҳаны ирымоуп, уи ылбаазго аныҳәаҩ иоуп, ус иалакьыслак ҟалаӡом. Са сныҳәаҩуп ҳәа, деиҳабуп ҳәа ауаҩ ихала ихы ықәиргылар иашаӡам. Аныҳәаҩ дықәдыргылоит ма абшьҭрала, ацәашьхәы зкуа ҳәа иҟоу, уигьы ишьҭахьҟьа цәгьа зымуц, згәы цқьоу, зыԥсы цқьоу, гра змам ауаҩы иакәзароуп, дыцқьазароуп, мамзаргьы ус иҟоу дрымамызар, аныҳәаҩ даарагароуп", - ҳәа ҳаиҳәеит аныҳәаҩ. Ақәаб акныхра – ажьрацәара рныҳәара 9 Ԥхынҷкәын 2018, 16:54 Ари аныҳәаразы аныҳәаҩ данықәдыргыло, уи аныҳәара ахаҭанӡа заа, мызкы, ма жәохәымш шагыу зынхьаа иҟоу ашьтәа ықәыргыланы дныҳәаны ацәашьхәы идыркуеит. Убри нахыс ауп иара ари аныҳәара амҩаԥгара азин аниоуа. Џьал ақыҭа инхо Витали Ҭыжәба ҳаниҿцәажәоз акәзар, иҳаиҳәеит абас еиԥш: "Бзыԥаа рҟны Ажьырныҳәа ауп иаҳа ихадароу ҳәа ирыԥхьаӡо, аха саргьы ажьира сымоуп саб иҟынтәи, аха абжьыуаа ҳҿы Анцәарныҳәара еиҳауп. Абри Ажьырныҳәа ҟауҵаанӡа Анцәарныҳәара ҟауҵахьазароуп", - ҳәа азгәаиҭоит иара. Аныҳәаҩ данықәдыргылалак ашьҭахь уи ари аныҳәара амаҵ азызуа иакәны дыԥхьаӡоуп, пату иқәырҵоит, игәы аҟаҵара рҽазыркуеит, Анцәеи ауааи ирыбжьагылоу цҳаражәҳәаҩык иаҳасабала ихәаԥшуеит. Уи раԥсшәеибыҳәашьа инаркны, иара изалху аҭыԥ уҳәа зегьы ирыцклаԥшуеит. "Афырхы анапахьы аагара": Ажьырныҳәа ашьаҭақәа рызхьаҧшреи, иахьатәи уи аҵаки Ақьабз амҩаԥгашьа Анцәаҳәа аныҳәаразы аԥсуа иашҭаҿы иара иазалху аҭыԥ цқьа ыҟоуп. Уаҟа ашәымкьаҭ ргыланы иҟарҵоит, хазы астол дыргылоит ишкәакәоу акы нақәыршәны. Ақәабгьы кныхны иааганы аԥхьа идыргылоит. Иазгәаҭатәуп ақәаб ачыҭ шкәакәа ҭаршәны ишрымоу, аԥара ҿырп ҭаԥсаны (ус еиԥш ала ақәаб рзыкнаҳаны ирымоуп Гәыԥ ақыҭа инхо Фрикан Ԥлиа иҩнаҭаҿы, уи аныҳәа анымҩаԥырго аԥара ҿырп аҿыц ачыҭ инылаҳәаны иҭарҵоит). © Фото : Есма ҬодуаԥҳаНуну Лакашьиа-Дарсалиа Нуну Лакашьиа-Дарсалиа © Фото : Есма Ҭодуаԥҳа Ҳара ҳзыҿцәажәаз ҳинформант Арасаӡыхь ақыҭа иалиааз Нуну Дарсалиа ари аныҳәа лаб иҩнраҿы ишазгәарҭо атәы ҳзеиҭалҳәеит абас: "Анцәарныҳәара ари аџьынџь ныҳәароуп. Аҩнаҭа иаҵанакуа, абиԥара иатәу, зцәашьхәы еилоу аб иҩнаҭаҿы еизаны имҩаԥыргоит. Иҟоуп аб иԥацәа хазы иаҿыганы ианыргогьы, усҟан дара рҭаацәа рыҩныҵҟа имҩаԥыргоит. Уи ишуқәу еиԥш – хышықәса рахь знык изқәу дыҟоуп, хәышықәса рахь знык изқәу дыҟоуп. Саб иҭаацәа рҿы хышықәса рахь знык иҟарҵоит, избанзар уа абжьаныҳәа ҳәа акагь ҳамаӡам. Сабхәараа рҿы акәырбан ныҳәа ҳәа иҳамоуп азы, уа хәышықәса рахь знык иҟарҵоит Анцәарныҳәара. Аҩны алаӷәраҿы, хыхь аҭуан аҿы аҿаԥ ҟаҵаны ақәаб хшьызароуп. Уи аныҳәаҩ аныҳәара даналаго илбааигоит. Ашҭа аҵыхәан ашәымкьаҭ дыргылоит, ахацәа акәац иахылаԥшуеит, аҳәса досу рмарҭхә иааргаз налаҵаны амажәа ркәаҳауеит, акәакәарқәа ҟарҵоит. Убри иалоу зегьы рыхәҭаа аџьыкхыш, ачашыла, ашә, ацәа – убри иалахәу зегьы инаргоит рмарҭхәқәа, - ҳәа ҳалҳәеит лара. Иазгәаҭатәуп ақәаб зегьы ишрымам, иҟоуп ақәаб адымгалакәа иныҳәогьы. Аныҳәаҩ ақьабз иахәҭоу зегьы анмазеихалакь ашьҭахь арасатәы лаба агәыи агәаҵәеи акәакәари нахаҵаны аџьыкхыш нақәырҳәҳәаны иҟаиҵоит. Аныҳәараҿы егьырҭ аҭахцәа ыҟазаргьы иара иаҵагыло изтәышьҭроу роуп. Араҟа иаҵагылоит ахәыҷқәагьы, аӡӷабцәагьы. Ахәыҷқәеи аӡӷабцәеи аԥхьа инагылоит, урҭ рышьҭахь ахацәа. Акәасҭӷа ааганы акы инанҵаны идыргылоит. Ацәа акәасҭӷа инақәҵаны аныҳәаҩ ахылҩа-ԥсылҩа шьҭны аҳаԥшьа-ҩы аанкыланы аныҳәара дналагоит: © Фото : Есма ҬодуаԥҳаАқәаб акныхра - ажьрацәара ныҳәара Ақәаб акныхра - ажьрацәара ныҳәара © Фото : Есма Ҭодуаԥҳа "Уа, ҳазшаз Анцәа дуӡӡа! Ахьы ԥааимбар ду! Ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп! Иахьа агәараҭа сахьааз, аишьцәа, аиҳәшьцәа, ахәыҷы, аду, ргәы ҭырхаха, рхы ҭырхаха аҳәара дуӡӡа урҭоит. Аҳәара иурҭо аҟынтәи жәак, ҩажәак исҳәо схы сақәиҭны сҟауҵаратәы суҳәоит, ухьышьарӷәыҵа сакәыхшоуп. Абра ашьтәа узааҳгеит, хәыц еиқәаҵәа злам. Абарҭ изуҳәо угәы инҭакны, ухы инҭакны, иаазрыцҳашьаны, урхылаԥшратәы Анцәа суҳәоит. Абарҭ анеибабо ианакәзаалакь абзиа иатәны, агәырӷьара иатәны еснагь еибабо суҳәоит, ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп. Аӡәы нахьхьи дыҟоуп, аӡәы аахьхьи дыҟоуп, амҩа данума, амашьына дақәтәоума, машәыр рықәымкәа иахьыҟазаалакгьы урхылаԥшратәы суҳәоит!.." - ҳәа дныҳәоит аныҳәаҩ. Леиаа рныҳәара: быжьҩык аҳәса цқьақәеи аныхаԥааҩи цҳаражәҳәаҩцәас измоу Аныҳәараан ацәа акәысҭӷа иақәымҵакәа, ус ацәашьы аркны акәац зқәу ашәымкьаҭ иадзырҷабло ыҟоуп. Аҩнаҭа ашҭаҟны ашәымкьаҭ змыргыло астолк, ма ҟәардәк наргыланы ишкәакәоу акы нақәыршәны акәацгьы уа акы инанҵаны иқәдыргылоит. Аныҳәаҩ дныҳәаны данаалгалак агәыи агәаҵәеи аҭаацәа агьама надирбоит, досу ркәакәарқәагьы надиркуеит. Ақәаб ззықәгылоу, аныҳәара анхдырқәшалак, аныҳәаҩ ақәаб аашьҭыхны аҭыԥ аҿы инаганы инапала инхишьуеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20190714/Antsaa-Antsarnyara-Khykh-iou---abshra-iatu-anaa-rnya-1027911037.html
2024-03-05T01:29:42Z
<urn:uuid:ef5bd122-b512-4aca-a0f0-3e7872aee378>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.7
0.93
54
12,541
tlsh:T1C4D4E942CE40DB8FC6F3C0599FE34A33A8D0584383637770DFCAF5B91A41068BBFCD13DAB6D8065968DB5429D2D2AB24D90EEDEE1A3DA6D770C25064583F39CC0A6536869E
Иманшәалоу аимадара Кешбек Асрақәа<br>рнапхгараҭара Ноль аныҟоу<br>алшарақәа Ароуминг Аинтернет<br>маҵзурақәа Ихарҭәаау<br>апакетқәа Агәырҿыхарақәа Агәыҳалалра Абонентцәа<br>рымаҵ аура Архиагақәа Аҧхьаӡаратә<br>усурақәа<br>рымҩаҧгара USSD Ахарҭәаара E-sim Аномерқәа рыдәқьан Амаҵзура ахьаҿаркуа Амаҵзура ҭыԥқәа Аҿакразы адокументқәа Оборудование Акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа Акорпоративтә маҵзурақәа Colocation Аопциа «Супер роуминг» Услуга «Продажа IP-трафика» Амаҵзура «Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа 150 минуҭ апакет» Амаҵзура «Апакет 20 минуҭ Урыстәылаҟа» USSD-амениу Супер АОН Аофистә номер Ибзоу ноль Амобилтә Интернет «Aquanet» аинтернет-пакетқәа SMS-пакетқәа Аномер аилыркааҿагыла АҞӘАФОН абонентцәа рзы ароуминг Шәара ишәзасуан Амаҵзуреи ацхыраареи А-SIM-карта аԥсахра Абоненттә номер аԥсахра Ахәхшәааратә план аԥсахра Аиқәшаҳаҭра даҽаӡәы ихьӡала аҟаҵара Аԥхьаӡара есымза детальла аарԥшра Есымзатәи аԥхьаӡара Аномер хатәгәаԥхарала аанкылара Абоненттә еиқәшаҳаҭра адокументқәа Оборудование Асаит ахсаала Хаҭалатәи аклиентцәа рзы Акорпоративтә хархәаҩцәа рзы Оборудование +7 940 999 99 99 Асаит ахсаала Русский Ахәхшәааратә планқәа Асмартфон азы Ателефон азы Аинтернет азы Асасцәа рзы Архивтә хәыхшәааратә планқәа Амаҵзурақәа Иманшәалоу аимадара Кешбек Асрақәа рнапхгараҭара Ноль аныҟоу алшарақәа Ароуминг Аинтернет маҵзурақәа Ихарҭәаау апакетқәа Агәырҿыхарақәа Агәыҳалалра Абонентцәа рымаҵ аура Архиагақәа Аҧхьаӡаратә усурақәа рымҩаҧгара USSD Ахарҭәаара E-sim Аномерқәа рыдәқьан Амаҵзура ахьаҿаркуа Амаҵзура ҭыԥқәа Аҿакразы адокументқәа Акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа Акорпоративтә маҵзурақәа Colocation Аопциа «Супер роуминг» Услуга «Продажа IP-трафика» Амаҵзура «Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа 150 минуҭ апакет» Амаҵзура «Апакет 20 минуҭ Урыстәылаҟа» USSD-амениу Супер АОН Аофистә номер Ибзоу ноль Амобилтә Интернет «Aquanet» аинтернет-пакетқәа SMS-пакетқәа Аномер аилыркааҿагыла АҞӘАФОН абонентцәа рзы ароуминг Шәара ишәзасуан Амаҵзуреи ацхыраареи А-SIM-карта аԥсахра Абоненттә номер аԥсахра Ахәхшәааратә план аԥсахра Аиқәшаҳаҭра даҽаӡәы ихьӡала аҟаҵара Аԥхьаӡара есымза детальла аарԥшра Есымзатәи аԥхьаӡара Аномер хатәгәаԥхарала аанкылара Абоненттә еиқәшаҳаҭра адокументқәа Ихадоу адаҟьа АҞӘАФОН АҦСНЫ АЗЫ Акультура АҞӘАФОН АҦСНЫ АЗЫ Аҵара Аспорт Акультура Агәабзиарахьчара Ауаажәларратә ҵысрақәа, ассоциациақәа, аидгылақәа Акультура Контактный центр +7 940 999 99 99 Аилахәыра АҞӘАФОН еснагь ган рацәала адгылара ҟанаҵоит, иара убасгьы акрызҵазкуа афинанстә цхыраара азнауеит Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы имҩаҧысуа еиуеиҧшым акультуратә усқәа. Аилахәыра АҞӘАФОН акультураҿы иҟанаҵо алагала ҳтәыла аҧхьаҟатәи аҭоурых аҧҵара знапы ианылараны иҟоу абиҧарақәа рҧеиҧш азы илагаланы иахәаҧшуеит. ------------- Апроект «Аҧсны аҭоурыхтә бираҟқәа» «Аҧсны аҭоурыхтә бираҟқәа» – Ахеидкыла АҞӘАФОН апроектқәа рахьтә зегь реиҳа иҧшӡоу, зегь реиҳа азҿлымҳара зауз апроектқәа ируакуп. Уи аларҵәара иадыҧхьалан аҧсуа ҵарауаа, апоетцәа, асахьаҭыхҩцәа, акомпозиторцәа. Владислав Григори-иҧа Арӡынба игәалашәара иазкыз ари апроект ду аӡыргара Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш иақәыршәаны имҩаҧган. Апроект анагӡараҿы хықәкы хаданы иқәгылан Аҧсуа ҳәынҭқарра шьақәгылеижьҭеи инаркны иахьатәи аамҭанӡа уи иасимволны иҟаз 17 бираҟ реиҭашьақәыргылара. Раҧхьаӡа акәны абираҟ амш Аҧсны азгәарҭеит ҧхынгәы 23, 2010 шықәсазы. Уи амш аҽны хыҧхьаӡара рацәала иеизаз ауаажәларра идырбан еиҭашьақәыргылаз 17 рҟынтә 15 бираҟ. Аилахәыра АҞӘАФОН еиҿнакааз, зымҽхак ҭбааз атеатртә ҟазшьа змаз ақәгылара рбарц азы Ахақәиҭра ашҭаҿы еизеит 10 нызықьҩык инареиҳаны ауаа. Апрограмма иакульминацианы иҟалеит Аҧснытәи ахортә капелла инарыгӡоз Аҧсны аҳәынҭқарратә гимн иақәыршәаны 15 бираҟ реицышьҭыхра. Еиҭашьақәыргылаз Аҧсны аҭоурыхтә бираҟқәа ауаажәлар ианыддырба ашьҭахь урҭ ҳамҭас Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи иаҭан, есымшатәи аекспозициа аиҿкааразы. Иара убасгьы имҩаҧган аҳәынҭқарратә бираҟқәа 300 Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу аҿар рхеидкылақәа раҧхьагылаҩцәеи рылахәылацәеи рыҭара иазкыз акциа. Уи анаҩсгьы, Аҧсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыреи “Абаза-ТВ”-еи аканалқәа рҿы идырбан адокументалтә фильм «Абираҟ аҭоурых – атәыла амҩа». Уи – аҧсуа бираҟқәа рҭоурых еиҭазҳәо раҧхьаӡатәи телехәаҧшратә проектны иҟалеит. Афильм еиҿкаан Аҧсуа ҳәынҭқарратә телехәаҧшраҿы АҞӘАФОН иҟанаҵаз аҿаҵахьала, хаҭала иара алахәны. 2011 шықәсазы апроект «Аҧсны аҭоурыхтә бираҟқәа» иацҵо, АҞӘАФОН ақалақь-фырхаҵа ҳәа ахьӡ зыхҵоу Тҟәарчали Гәдоуҭеи рҿы иҟоу аҳәынҭқарратә музеиқәа ҳамҭас ирынаҭеит ҩба-ҩба комплект аҭоурыхтә бираҟқәа. Апрект хыркәшан «Абираҟ аҭоурых – атәыла амҩа» зыхьӡу альбоми «Аҧсны абираҟқәа» ҳәа ахьӡҵаны 2012 шықәсазтәи асахьаркыратә мзари рҭыжьрала. Урҭ, ҳәарада, Аҧсны аҭоурых адырра хазырҭәаауа лабҿабатәи материалны иҟалоит, хыҧхьаӡара рацәала аҧхьаҩцәагьы ирызцәырнагоит азҿлымҳара бзиа. ------------- Апроект «Зымҽхак дуу абираҟқәа Аҧсны ақалақьқәа рҿы» 2009 шықәса раахыс АҞӘАФОНи, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки, Аҧснытәи Аҿар Реиҿкаарақәа Рассоциациеи еицымҩаҧыргоит «Зымҽхак дуу абираҟқәа Аҧсны ақалақьқәа рҿы» захьӡу апроект. Ари апроект хықәкыс иамоуп Аҧсны ақалақьқәа зегьы рҿы 20м. агылара змоу абираҟлабақәа 4х8 м иҟоу абираҟқәа рыхшьны рықәыргылара. Раҧхьатәи абираҟ шьақәыргылан Аҧсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра амшазы – цәыббра 27, 2009 шықәсазы Амшын баҕәаза ахыбраҿы. Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә символ ахьықәыргылаз аҩбатәи қалақьны иҟалеит ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа. Араҟа абираҟ ықәыргылан Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра аназхаҵаз амш инақәыршәаны, нанҳәа 26, 2010 шықәсазы, 1992-1993 шш. рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа рбаҟа аҿаҧхьа. 2011 шықәса, ҧхынгәымзазы АҞӘАФОН аҟнытә аҳамҭа аиуит Гагра ақалақь. Абираҟ ықәдыргылеит ақалақь уахьналало амҩаду хадаҿы. Иара убри ашықәс азы, цәыббра 30 рзы абираҟ ықәыргылан ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал. 2011 шықәса, жьҭаарамзазы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа аҧҵеижьҭеи 19 шықәса аҵра инадҳәаланы, абираҟ ықәыргылан Гал ақалақь аҿы. 2012 шықәсазы абираҟқәа рықәыргылара мҩаҧган аамҭакала ҩ-қалақьк рҿы – цәыббра 26 рзы Очамчыра ақалақь, цәыббра 29 рзы –Афон Ҿыц ақалақь аҿы. 2013 шықәсазы АҞӘАФОН абираҟқәа рықәыргылара Аҧсны ақалақьқәа рҿы мацара акәымкәа, уи агеографиа еиҳа идырҭбаарц рыӡбеит. 2013 шықәса, цәыббра 16 рзы Гәылрыҧшь аҳаблаҿы Гәылрыҧшьтәи араионтә администрациа ахыбра ахьгылоу ашҭаҿы ныҳәаҵас еиҿкааны ишьҭыхын Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟ. Цәыббра 28 рзы Аиааира ХХ шықәса ахыҵра аламҭалазы Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟ ықәыргылан Пицунда ақалақь аҿы. Абираҟ ақәыргыларазы ҭыҧс иалхын Пицунда ахьӡ-аҧша ҭызго аблахкыгарҭақәа иреиҕьу – абжьаратәи ашәышықсқәа ирыҵаркуа ауахәамеи абааши ахьыҟоу ақалақь Ашҭа хадаҿы. Абасала, ари апроект аларҵәара анымҩаҧысуаз ҧшьышықәса рыҩныҵҟала, Аҧсны Ахьыҧшымреи Аиааиреи ирсимволу абираҟ ықәыргылан ареспублика ақалақьқәа ааба зегьы рҿы, иара убас аҳабла Гәылрыҧшьи. ------------- Зымҽхак ҭбаау ари апроект хыркәшо, АҞӘАФОН, ҳаҭырқәҵара ҳаракыла иазгәанаҭеит Аҳәынҭқарратә бираҟи агерби равтор – Аҧсны зҽаҧсазтәыз асахьаҭыхҩы Валери Гамгьиа игәалашәара. 2013 шықәса, цәыббра 29 – асахьаҭыхҩы-ақәрахьымӡа даниз амш азы – асахьаҭыхҩы иқыҭа гәакьа Кәтол, дахьжу инышәынҭра ахаҿы ишьҭыхын Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟ. Цәыббра 29 рзы имҩаҧысыз абираҟ ақәыргылара ҳамҩашьо иаҳнарбоит ихадоу аҳәынҭқарра асимволқәа ахааназы ҳтәыла иазынзыжьыз ауаҩы игәалашәара хашҭра шақәым ихьыҧшым Аҧсны. ------------- 2012 шықәса, цәыббра 26 рзы Аилахәыра АҞӘАФОН иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны Аҽгәара ақыҭан – «Дед» ҳәа изышьҭаз аибашьцәа ргәыҧ ахьҭахаз аҭыҧан иқәыргылан абираҟқәа ҩба – Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟи ачерқьезцәа ракра иасимволу - адыгаа рбираҟи. Арҭ абираҟқәа ахьықәыргылаз аҭыҧ аҿы 20 шықәса раҧхьа, Очамчыра ақалақь ахақәиҭтәразы аҩбатәи аҽазышәараан, Борис Ҧачлиа командаҟаҵаҩыс дызмаз, еицырдыруаз аибашьцәа ргәыҧ аҕацәа рыкәшеит. Иҭахаз рыбжьара иҟан хатәгәаҧхарала Аҧсны ахақәиҭтәразы еибашьуаз Ҟабарада-Балкариантәи арҧарцәа. ------------- АҞӘАФОН иҟанаҵо аспонсоррала имҩаҧган хыҧхьаӡара рацәала абзиабаҩцәа зырҳаз акыр амузыкатә проектқәа: Амузыкатә фильм «Ҳара ҳаруаа реиҳабы» «Ҳара ҳаруаа реиҳабы» – Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Апрезидент Владислав Арӡынба игәалашәара иазкны, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи 20 шықәса аҵра инақәыршәаны иаҧҵоу музыкатә фильмуп. Афильм авторцәас иамоуп Емма Хәаџьаа-ҧҳаи Ҭемыр Қәычбериеи. 2012 шықәсазы иҭыхын афильм актәи ахәҭа. Уи иагәылалеит ақырҭуа-апсуа еибашьраан афронт аҿы ирҳәоз ашәақәа. Афильм аҿы урҭ ашәақәа нарыгӡоит апрофессионалтә шәаҳәаҩцәа реиҧш, Мраҭашәаратәи афронт аҿы еибашьуаз асолдаҭцәа. Аҭыхрақәа раан ашәақәа зегьы аранжировка рзуны, аус рыдулан, иара убасгьы иҟаҵан аматериалқәа ҳаамҭа иашьашәалоу, зхаҭабзиара ҳараку авидео- аудио-ныҟәгагақәа рышҟа анҵара. Архивтә кадрқәа инарыцҵаны ахархәара рызун сахьаркырала иқәыргылаз аҭыхымҭақәагьы. Урҭ рҿы авидео-хроника аҟынтәи афырхацәа рхаҿсахьақәа еиҭаҧырҵеит аиааира згаз абацәа рҵеира. Афильм аҭыхра алыршахеит «АҞӘАФОН-GSM» иҟанаҵаз афинанстә цхыраареи иара убасгьы ахеидкыла «Аҧсны аӡқәеи аҩқәеи» рыцхырааралеи. Афильм аӡыргара мҩаҧысит нанҳәа 14 рзы Аҟәа ақалақь аҟны. Уи аиҿкааразы АҞӘАФОН қьырала иааганы иқәнаргылеит зыҩаӡара ҳаракыз ҳаамҭазтәи асценатә маҭахәқәа. Иара убас Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 19 шықәса ахыҵра ахьӡала АҞӘАФОН еиҿнакааит ареспублика ақалақьқәа зегьы рҿы ари афильм амассатә хәаҧшра. Уи адагьы иалыршан афильм «Ҳара ҳаруаа реиҳабы» зынҵоу 2000 цыра акомпакт-дискқәеи апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҧҵаз аматериалқәа шьаҭас измоу 2013 шықәсазтәи амзари рҭыжьра. Ари амзар даҟьацыҧхьаӡа еиқәыршәоуп афильм аепизодқәеи, асахьаркыратә фотоҭыхымҭақәеи, иара убасгьы акулиса ашьҭахьтәи аҭыхратә шәымҭақәеи рыла. Афильм аҩбатәи ахәҭа аӡыргара мҩаҧган цәыббра 30, 2013 шықәсазы, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 20 шықәса ахыҵра амш азы. Уи аҿы ицәыргоуп Мрагыларатәи афронт аибашьра адәаҿы иҭыху, иуникалтәу аибашьратә хроника, иара убасгьы аибашьра аамҭазтәи ашәақәа ирылхны иҟаҵоу амузыкатә клипқәа жәаба. ------------- Амузыкатә проект «Apsny Star» Хәажәкыра мза 2012 шықәсазы ихацыркын иҿыцу ателехәаҧшратә проект «Apsny Star». Уи апроект еиҿыркааит КВН (Алахҿыхцәеи Алафҳәацәеи Рклуб) аҧсуа команда «Аҧснытәи Нарҭаа» рхаҭарнакцәа. Умҩашьо иуҳәар алшоит, «Apsny Star» абаҩхатәра злоу ашәаҳәаҩцәа ҿарацәа аӡәырҩы рзы ақәҿиареи ахьӡ-аҧшеи рышҟа икылызго трамплин бзианы иҟалеит ҳәа. Апроект ахьынӡамҩаҧысуаз ҧшь-сезонк рыҩныҵҟала, 49-ҩык уи алахәцәа ахысит авокали, ахореографиеи, актиортә ҟазареи, асценатә культуреи, иара убас астудиатә ҭаҩра азҟазареи рзы инареиҕьу арҵаҩцәа рҟны амастер-классқәа. Аҧхьатәи ациклқәа рҿы аиааира згаз ахьеиҧылоз аҵыхәтәантәи ахыркәшаратә сезон аҿы продиусерс дыҟан еицырдыруа ашәаҳәаҩ, акомпозитор Александр Шьоуа. Аҧшьбатәи ахыркәшаратә сезон аҿы далкаан апроект аҿы аиааира згаз ашәаҳәаҩ. Уи макьана иқәыҧшу, аха нагӡаҩык лаҳасабала ишьақәгылахьоу ашәаҳәаҩ ҿа Саида Агрба лакәхеит. Ашықәсазтәи аартра ҳәа дыҧхьаӡан – Валера Маиромиан Иреиҕьу абжьы атембр – Фатима Қапба Иреиҕьу абжьы азҟаза – Ана Агрба Иреиҕьу аромантикатә нагӡаҩы – Лаида Ҭырқьба Ахәаҧшцәа ргәыбылразы аҧхьахә – Артиом Каҷараа Иреиҕьу поп-нагӡаҩы – Рамина Заде Зегь реиҳа иблахкыгоу аномер – Саида Агрба Ашықәс азы ашьаҿа ҕәҕәа ҟазҵаз – Мактина Бебиа. АҞӘАФОН ахьӡала Ашықәс азы ашьаҿа ҕәҕәа ҟазҵаз аноминациаҿы аиааира згаз ашәаҳәаҩ илыҭан iPad 3-и злимит ҧкым аинтернет-трафик змоу а-SIM-картеи. ------------- Ателехәаҧшратә проект «Шьарда» Хәажәкыра 17, 2011 шықәсазы Аҧсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аефир аҿы ицәырҵит арлахҿыхгатә музыкатә телепроект «Шьарда» раҧхьаӡатәи адырраҭара. Уи хықәкыс иаман аҧсуа шәаҳәаҩцәа ҿарацәа рыбжьара ахьӡ ҿыцқәа раартра. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны уи алахәцәа зегьы рзы хәыда-ҧсада иалыршан аҧсышәала амузыкатә композициақәа раҧҵара, иара убасгьы акреативтә ҟазшьа змоу авторцәа ркоманда амчала аклипқәа рҭыхра. Апроект амҩаҧгаҩ – еицырдыруа ашәаҳәаҩ Хьыбла Мықәба. Арежиссиор – Мадина Аргәын. Апроект ҷыдарас иаман аҧсуа музыкатә милаҭтә культура анырра азыҟаҵара. 2012 шықәсазы ателепроект «Шьарда» ихацнаркит ахатәы ҭоурых ҿыц, уи иафырхацәаны иҟалеит иҿыцу артистцәа ҿарацәа. Ари апроект хыркәшан ашықәс ҿыц азтәи агала-концерт ала. Уаҟа шықәсык аҩныҵҟала зашәақәеи зклипқәеи рыла ахәаҧшцәа зыргәырҕьоз артистцәа зегьы иранашьан «Шьарда» амузыкатә ҧхьахәқәа. ------------- Амузыкатә программа «Қабада» Лаҵарамза, 2008 шықәсазы Аҧсуа ҳәынҭқарратә телехәаҧшра аканал аҿы раҧхьаӡа акәны аефир аҟны ицәырҵит Аҧсуа телехәаҧшраҿы раҧхьаӡатәи интерактивтәу аестрада-музыкатә дырраҭараны иҟалаз, амузыкатә хит-парад «Қабада». Апроект авторс даман – Артур Лакрба. «Қабада» аефир аҿы ианцоз аамҭа иалагӡаны иарҳаит ателехәаҧшцәа рызҿлымҳара ҷыда, иара убас уи ахьӡ-аҧша рынаҭеит иахьазы аларҵәара змоу аҧсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа ҿарацәа: Ильда Қәычбериа, Џьими Шәманиа, Рамина Заде, Авто Қонџьариа, Саида Габниа уҳәа егьырҭгьы. ------------- АҞӘАФОН акультура аганахьала имҩаҧнаго аполитика активла иахәҭакны иҟоуп аҧсуа бызшәа аҿиара иацхраауа апроектқәа. Аизга «Аламыс» аҟнытәи арҿиамҭақәа зну аудиошәҟәы Даур Занҭариа ихьӡ зху акультуратә Центр аҿы ҧхынҷқәын мза, 2011 шықәсазы имҩаҧысит иналукааша аҧсуа шәҟәыҩҩы Миха Лакрба иновеллақәа рыла еиқәыршәаны иҭаҩыз Аҧсны аҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны иҭыжьыз аудиошәҟәы аӡыргара. Адиск аҭаҩра алыршан Аилахәыра АҞӘАФОН аспонсорра ахадарала. Апроект авторс даиуит 2010 шықәсазы аҿари аспорти русқәа рзы Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Еилакы еиҿнакааз апроектқәа реицлабраҿы уи апроект ала аиааира згаз Баҭал Ҳашыг. Аудиошәҟәы аҵарадырра мацара адагьы ааӡаратә ҵакгьы амоуп. Ари аизгаҿы аиҭаҳәаратә ҳәамҭа ҟазшьа аҭаны иаарҧшуп аҧсуаа ртрадициатә мазаратә системақәа – Аҧсуара иаҵанакуа, ахьӡи-ахьымӡҕи рҵакы, аҳаҭырқәҵареи, аиашеи, ацәгьеи реилкаара. АҞӘАФОН хәыда-ҧсада Аҧсны ашколқәа ирынаҭеит хаҭала иара иатәыз атираж ахәҭак (1000 цыра). 2009 шықәсазы АҞӘАФОН иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны иалыршан ахатәы школ «Альфа» аҿы аҧсуа бызшәа аҵаразы ацхыраагӡа аҭыжьра. Ари аҭыжьымҭа атираж Аҧсны абжьаратә школқәа ас еиҧш иҟоу алитература аганахьала рҭахрақәа зегьы хнаҩартә еиҧш иҟалеит. Ҧхынҷкәын мза, 2010 шықәсазы АҞӘАФОН спонсор хадас иаман аҧсышәала имҩаҧгаз ашықәсҿыцазтәи Ареспубликатә хәыҷтәы ныҳәатә қәгылара. Уи еиҿкаан Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр арҿиаратә гәыҧ амчала. Ақәгылара мҩаҧган Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы. АҞӘАФОН афинанстә цхыраара иабзоураны иалыршан арҿиаратә проектқәа акыр: ------------- Апроект «Акәымжәыуаа» Цәыббра 25, 2013 шықәсазы имҩаҧысит Мадина Аргәыни Ельвира Арсалиеи рпроект «Акәымжәыуаа» аӡыргара. Апроект сахьаркыратә қәыргылаҩыс даман – Алықьса Шервашиӡе-Чачба. Ари апроект азкын Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 20 шықәса ахыҵра. Апроект шьаҭас иаиуит еиуеиҧшым аамҭақәа иртәу ажәытә фотоҭыхымҭақәа фба: Актәи адунеитә еибашьраан афронт ахь ицаз, Аҧсуаа Рышәҩык иалаз афырхацәа рфотоҭыхымҭақәа; 1917 шықәсазы зыхьӡ-зыҧша легендаз агәыҧ «Кьараз» алахәцәа рфото; 1941-1945 шш. рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа афырхацәа рфотоҭыхымҭақәа; иара убас 1992-1993 шш. рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра афырхацәа рфотоҭыхымҭақәа. Урҭ афотоҭыхымҭақәа зегьы ирыдҳәалаз аҭоурыхқәа, рыкәша-мыкәша иҟаз ақәыҧшылара еиҭашьақәыргыланы, дасу изтәыз, иаанарҧшуаз аепоха иашьашәаланы астилизациа азуны иҟаҵан. Афотографиақәа рҿы зсахьа ҭыхыз афырхацәа типажла иреиҧшыз, аамҭак иҳацану ауаа алыҧшааны, сахьаркырала ишьақәыргылан аҭоурыхтә костиумқәеи адекорациақәеи. Абасала, апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыхын зметраж кьаҿу афильмқәа фба. Урҭ афильмқәа рызегьы хықәкыс ирымаз – хазы игоу аҧсуа еибашьҩык иразҟи, уи идоуҳареи, имаҭәеи, иара убасгьы дызҭагылаз аамҭа иатәу атрибутқәеи раарҧшра акәын. Аусумҭа иалҵшәаны арҭ авидеороликқәа зегьы еизакын «Акәымжәыуаа» зыхьӡҵаз азеиҧш фильм аҿы. Апроект «Акәымжәыуаа» иаанарҧшит аҧсуа хаҵа иеибашьыга маҭәа иаҵоу абеиара ду, иаҳнарбеит уи аҿиарамҩаҿы изнысыз иалукааша аҭоурыхтә ҟәшақәа. Уи ахәаҧшцәа архынҳәит ииасхьоу афырхаҵаратә епоха ашҟа. ------------- Аҟәа ақалақь аҿы аскульптура ҿыц аартра Абҵара мза, 2012 шықәсазы Аҟәа ақалақь имҩаҧысит ҳаамҭазы иналукааша ашәҟәыҩҩы ду Фазиль Искандер иперсонаж - аӡҕаб хәыҷы Ника аџьаз иалхыу лскульптура Амҳаџьырқәа рымҩаҿы ақәыргылара. Ари аскульптура авторс дамоуп абаҩхатәра злоу асахьаҭыхҩы, аскульптор ҿа Архьип Лабахәуа. Фазиль Искандер ирҿиамҭатә фырхацәа ирызкны Аҟәа ақалақь аҿы иқәыргылоу аџьаз иалху аҩбатәи ҟазаратә рҿиамҭоуп Ника. Раҧхьа иаҧҵан Искандер иповестқәа рцикл «Ҷық ихәыҷра» аҟнытә афырхаҵа хада Ҷық искульптура. Ари нахыс ақалақь агаҿа аҟны еиқәшәаз, уи иҷыдоу аколорит азҭаз арҭ аперсонажқәа рыҩбагьы ҟалеит аиҩызареи ақьиареи лабҿабалатәи ирдырганы иҟалеит. ------------- Аетногарфиатә проект «АМИЗАНҴКЫ АҞӘАФОН-2010» 2010 шықәса, мшаҧы 22 рзы Аилахәыра АҞӘАФОН иҟанаҵаз аспонсорра иабзоураны иалыршахеит Ельвира Арсалиа лавтортә проект «АМИЗАНЦКЫ АҞӘАФОН-2010» аҧсҭазаара аларҵәара. Апроект хықәкы хадас иҟан ҽыла аныҟәаразы аҧсуа ҳәсақәа ртрадициатә костиумқәа 12, ҭоурыхла агәрагара аҵаҵаны реиҭашьақәыргылара. Ари апроект шьаҭас иаиуит аҧсуа ҭоурыхтә костиум аларҵәара акыр иацхрааз акорпоративтә мзар «АҞӘАФОН-2010» . «АМИЗАНҴКЫ» ауаажәлар рҿы зымҽхак ҭбааз ақәҿыҭра бзиа аиуит, уи – «Ашықәсан иреиҕьу аусумҭа» ҳәа ианашьан Аҳәынҭқарратә премиа. ------------- Афестиваль «Абырфын-2010» 2010 шықәса, ҧхынҷкәын мзазы Аилахәыра АҞӘАФОН афинанстә цхырааралеи, иара убас аҧсуа дизаинер ҿарацәа Мрамза Марыхәбеи, Сима Ҳашбеи, Марианна Амҷбеи, Мадина Смыри рырҿиаратә еидгыларатә хацыркралеи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы имҩаҧысит афестиваль «Абырфын-2010». Арбараҿы ицәырган еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла инагӡаз аколлекциақәа ааба. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан аҧсуа милаҭтә колорит зныҧшуа ҳаамҭазтәи аҿар ркостиум атенденциақәеи, аформақәеи, аматериалқәеи, иара убасгьы астильтә цәаҳәеи рзы аиҿкааҩцәа рхатәы хәаҧшышьа аазыртыз аусумҭақәа. Арбара аиҿкаара рҽаладырхәит еицырдыруа Аҟәатәи астилист Илиа Шевчук иҵаҩцәеи иареи. Урҭ аҭыҧҳацәа амодатә дефиле разыҟаҵара инаҷыдангьы, ицәырыргеит автортә хцәыҟаҵарақәеи а- make-up-и. ------------- Аилахәыра АҞӘАФОН изныкымкәа аҧаратә цхыраара ҟанаҵахьеит еиуеиҧшым ахырхарҭақәа змоу акультуратә усмҩаҧгатәқәа реиҿкааразы. 2012 шықәса, ҧхынҷкәын мзазы АҞӘАФОН ихацнаркит Адыгеиатәи жәлар рыкәашара Аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль “Нальмеси” Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика аҟынтәи аестрадатә шәаҳәаҩцәеи еицынарыгӡаз аконцерт аиҿкаара. Аконцерт мҩаҧысит Аҟәа, Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқаратә филармониаҿы. ------------- Аҟәа ақалақь Ацәыргақәҵатә зал Хадаҿы хәажәкыра 7, 2012 шықәсазы имҩаҧысит Ибрагим Ҷкадуа ифотоцәыргақәҵа «Амратә стиль». Афотопроект шьаҭас иаиуит амодернтә стиль ала Русудан Кобиакова иаҧылҵаз аҳәса рымаҭәа аколлекциа. Апроект ҵакы хадас иамаз – амодерн абаҟақәа ҭакҧхықәралеи еиҷаҳаралеи рызнеира акәын. Ари астиль архитектуратә ҭынха аҧшӡареи ауникалреи - Аҧсны аҳҭнықалақь ахаҿра иахьа уажәраанӡагьы иахәҭакуп! ------------- 2011 шықәса, хәажәкыра мзазы иҭыжьын Ерик Миқаа аҩбатәи иальбом «ХХ ашәышықәса ахитқәа». Уи альбом иагәылалеит автор ари апроект азы ҷыдала аҧсышәала иаҧиҵаз ихатәы жәеинраалақәа текстс изауз, зегьы ибзианы еицырдыруа мраҭашәаратәи амузыкатә композициақәа. ------------- Абҵара 24, 2011 шықәсазы аресторан «ДЕМ» аҿы аӡыргара мҩаҧысит Авто Конџьариа раҧхьатәи иальбом «Бара бзы». 2009 шықәса, хәажәкыра мзазы иаҧҵан – адунеи аҿы еицырдыруа ашәҟәыҩҩы, Аҧсны ареспублика акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы Фазиль Абдул-иҧа Искандер иҧсҭазаареи ирҿиареи иазкны адокументтә фильм «Аныҳәа азыҧшра аныҳәа». Адокументтә фильми уи иацыз адырраҭарақәа рцикли - ателехеидкыла «АБАЗА-ТВ»-еи, ателеканалқәа "Россиеи”, “Студиа-А”-и еицаҧырҵаз раҧхьатәи телехәаҧшратә проектны иҟалеит. ------------- АҞӘАФОН спонсор хадас иаман ҳҳәынҭқарра анҭыҵ раҧхьаӡа акәны иқәгылаз, аҧсуа командақәа рҟынтәи иакызаҵәыкны КВН Еиҳаӡоу Алига иачемпионхаз – Алафҳәацәеи алахҿыхцәеи рклуб акоманда «Аҧснытәи Нарҭаа». Анаҩсгьы АҞӘАФОН аспонсорра азнауан «Аҧснытәи Нарҭаа» ирышьҭанеиуаз Алафҳәацәеи алахҿыхцәеи Рклуб акоманда ҿа «Атәыла хәыҷы2. Х-телехәаҧшратә сезонк рыҩныҵҟа АҞӘАФОН акоманда «Аҧснытәи Нарҭаа» спонсор Хадас иаман. ------------- Акультура аганахьала агәыҳалалратә усура ашҟа иуҧхьаӡар алшоит АҞӘАФОН Жәлар рырҿиара Ареспубликатә Центри, Акультуратә фонд «Аҧсны-Нхыҵ Кавкази», акәашаратә ансамбль «Кавкази», Акьанџьақәа ртеатри уҳәа изныкымкәа ирзыҟанаҵахьо ацхыраара. Иара убас АҞӘАФОН спонсорра азнаухьеит хыҧхьаӡара рацәала еиуеиҧшым аамҭақәа рзы Аҧснытәи ацәыргақәҵатә Зал Хадаҿы имҩаҧыс қәоз аҧсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵакәа. ------------- АҞӘАФОН аспонсорра ҟанаҵеит ашәҟәқәеи, амоногарфиақәеи, ажурналқәеи рҭыжьраҿы: Игор Марыхәба ишәҟәы "Қырҭтәыла Аҧсны иаҿагыланы аибашьра”; Шь. Д. Инал-иҧа имонографиа “Аубыхқәа”; Шь.Д. Инал-иҧа ибиографиеи иҧсҭазааратә мҩеи ирызку аматериалқәа реизга “Ашәҟәы иахҳәаау ашәҟәы”; Даур Занҭариа иажәеинраалақәеи, иажәабжьқәеи, ипублицистикатә ҩымҭақәеи ирызку аматериалқәа реизга; ажурнал “Абаза” – уи аномерқәа зегь еицҵаны ртираж ҧшь-нызықь цыра инареиҳаны иҟоуп; Р.Смыр иажәеинраалақәа рышәҟәы “Аҵыс иаҵәа” аиллиустрациақәа ацҵаны. Иара убас абиблиотекатә фонд ацхыраара хықәкыс иҟаҵаны, Аилыхәыра АҞӘАФОН Адиле Аббас-оглы лҿы иаанахәеит уи авторс дызмоу ашәҟәы “Хашҭшьа сзақәым”. Анаҩс уи ашәҟәы И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ҳамҭас ианаҭеит.
https://aquafon.com/for-abkhaziya/2659/?language=ab
2024-02-26T21:26:41Z
<urn:uuid:f0ce1f39-2c40-49a6-9139-195f5529f321>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.84
0.98
135
38,779
tlsh:T1C1304A039C40CB4BC6F7C499CE918E355CD1681742227670CEC5F470165209DFFFCD13AAFAE84A9E74EB1122D122BE10A94EECE9287DAED7715200A12D2F78DE2BA436D59E
Европейский Союз в действии: работая на благо более безопасной Европы и более стабильного мира (субтитры на абхазском) Один день из жизни наблюдателя (субтитры на абхазском языке) Аимадара English / ქართული / Русский / Ирон / Аҧсуа / հայերեն / Azərbaycan / Ихадоу Ҳара иҳазкны Амандат Амандат Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом.
https://eumm.eu/ab/about_eumm/mandate/
2024-03-04T14:20:26Z
<urn:uuid:74c75188-c870-4ef6-bd08-e1472c667b06>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.8
0.64
0.97
14
2,519
tlsh:T1F008EC515584CB4BC1B3D4A9CA814F346CE2695382117671DD8EB8B21185059EFFCC139ABEE8011BB0EB1911D222BF00690AECDA687DBBE7B04210B16E3E39D9235576C56E
Леонти Бахәа-иԥа Лабахәуа (аур. Леонтий Бахович Лабахуа; ԥхынҷкәынмза 26, 1912 ш., Река ақыҭа, Очамчыра араион — 1938 ш.) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы. Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура] Диит ԥхынҷкәынмза 26, 1912 ш. Река ақыҭа Очамчыра араион. Гәнаҳарала, харада-барада, дҭадырхоит 1938 шықәсазы. Аҵара иҵон иқыҭа гәакьаҿ, ашьҭахь, уаатәи алагарҭатә школа даналга, 1924 шықәсазы быжь-класск змаз Очамчыратәи аԥсуа школ аҿы иҵара наигӡоит, уи даналга, 1928 шықәсазы, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә техникум данаахәоит. 1932 шықәсазы, дызҭаз атехникум аҿы иҵара хыркәшаны, Л. Лабахәуа дҭалоит абри ашықәсан ҿыц иадырҭыз Н. А. Лакоба ихьӡ зхыз Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә педагогтә институт афилологиатә факультет. Абри аинститут ибзианы ҳәа далгоит 1936 шықәсазы. Л. Лабахәуа, ихаҭа излаигәалаиршәо ала, аинститут данҭаз ԥшьышықәса рыҩнуҵҟа напхгара азиуан иара иаԥшьгарала иеиҿкааз алитературатә кружок. Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1932 шықәсазы. Абиблиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура] Аԥхьатәи ашьвҿақәа. Аколлективтә еизга. Аҟәа, 1934 шықәса. Иҩмҭақәа. Аҟәа, 1958 шықәса. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1980 шықәса. Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 906 Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Лабахуа Леонтий Бахович (аур.) Лабахәуа Леонти Бахәа-иԥа (аԥс.) Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Лабахәуа,_Леонти_Бахәа-иԥа&oldid=113324 Акатегориақәа: Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Аԥсны апоетцәа Лабахәуаа 1912 шықәсазы ииз Ԥхынҷкәынмза 26 рзы ииз 1938 шықәсазы иԥсыз Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 18:00, 19 лаҵарамза 2021. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9B%D0%B0%D0%B1%D0%B0%D1%85%D3%99%D1%83%D0%B0,_%D0%9B%D0%B5%D0%BE%D0%BD%D1%82%D0%B8_%D0%91%D0%B0%D1%85%D3%99%D0%B0-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
2024-03-01T07:18:26Z
<urn:uuid:276eaae0-29b7-4183-977d-00a5a57feff2>
[ "footer", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.79
0.89
0.94
18
3,277
tlsh:T1C9B7D661AD44CB6FC677C08489508C7C49E1AC6782727332CED5B5F61A220DDEBBDD0376FDA8195661AF422191129A149E89FDD914BC6EDB21E200D23E2E38EA13503AE2EF
Аинаугурациа ацеремониа мҩаԥысит Никарагуа аҳҭнықалақь Манагуа ареволиуциа Ашҭаҿы. Ауснагӡатә сасцәаны иҟан Венесуэла, Гондурас, Сальвадор рпрезидентцәа иара убасгьы атәылақәа жәпак рминистррақәеи русҳәарҭақәеи рнапхгаҩцәа. Даниель Ортега, 2016 шықәса абҵарамзазы алхрақәа раан аиааира згаз, хынтәуп уажәы ареспублика ахадас далырхуеижьҭеи. Аԥснытәи аделегациа Никарагуа рыҟазаараан имҩаԥысит рколлегацәеи дареи реиԥыларақәа. Иара убасгьы имҩаԥысит аделегациа алахәылацәеи Никарагуа Апрезидент Иусбарҭа ахаҭарнакцәеи реиԥылара. Аиԥыларақәа раан ирылацәажәан Аԥсны-Никарагуатәи аизыҟазаашьақәа. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба зхадараҿы дыҟаз Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа иалахәын: аминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Ҭенгиз Ҭарбеи Мадина Зыхәԥҳаи, Сариа Џьопуаԥҳаи.
http://mfaapsny.org/allnews/photo/vizit-delegatsii-respubliki-abkhaziya-v-Nicaragua/
2024-02-22T10:53:56Z
<urn:uuid:d3ce12d3-39c3-45d4-b6f3-8f57b4cbacc1>
[]
[]
abk-Cyrl
0.99
1
1
5
1,532
tlsh:T154B6D3315800D79BCAB3E069CAD1A8315CC124470262B2A5CEC5B5E1371609DEABCD03D2FAE82A8B64BB1212D1532F116F0EFDE55ABD7EC7209211917D7E30D927817AD9AE
Адунеизегьтәи аизарадуқәа рыла ауп ишалаго ауахәаматә қьырсиантә система. Адунеизегьтәи аизарадуқәа – ақьырсиантә уахәамақәа иреиҳаӡоу рдинмацзуҩцәа – апатриархцәа, архиепископцәа, аепископцәа реизара дуқәа роуп. Уаҟа ирылацәажәон, ирҳасабуан анцәахаҵареи ауахәама-аполитикатә ҟазшьеи змаз азҵаарақәа. Аԥсны атерриториаҿы ақьырсианцәа ирызку раԥхьатәи аҩыратә дыррақәа иҟоу ҵәырҵит ҳара ҳера аныҟала III ашәышықәса анҵәамҭазы, Питиунт(Пицунда) ақьырсианцәа хырҵәаны иахьаарышьҭуаз ҭыԥны ианыҟалаз. IV ашәышықәса алагамҭазы ара ицәырҵит аепископ Сафрони дызхагылаз ауахәаматә хеилак. 325 шықәса рзы абазгаа рхеилак ахаҭарнак Питиунттәи аепископ Стратофил далахәын I Адунеизегьтәи аизараду. I Адунеизегьтәи аизара ду аҿы еиқәыршәан, иагьрыдыркылеит быжь-пунктк рыла ишьақәгылаз ақьырсиантә дин асимвол, анаҩс Никеитәи ҳәа зыхьӡхаз. Алитература аредакциазура Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Абхазию делят три Церкви: [президент республики призвал РПЦ рукоположить для Сухума своего епископа]//Христианская Абхазия. - 2013. - июль. - С.7. Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=I_Никеитәи_Адунеизегьтәи_Аизара_ду&oldid=118336
https://ab.m.wikipedia.org/wiki/I_%D0%9D%D0%B8%D0%BA%D0%B5%D0%B8%D1%82%D3%99%D0%B8_%D0%90%D0%B4%D1%83%D0%BD%D0%B5%D0%B8%D0%B7%D0%B5%D0%B3%D1%8C%D1%82%D3%99%D0%B8_%D0%90%D0%B8%D0%B7%D0%B0%D1%80%D0%B0_%D0%B4%D1%83
2024-02-22T23:30:56Z
<urn:uuid:abab5c1a-0cd5-4ae8-b5f7-1db443b0d7ec>
[]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.78
0.75
0.95
4
2,067
tlsh:T1D345A5418904CF8BC133C5A89A9289714CE064428356727ACE857074195608DEFBCC13EBF9BA194A64EF0652D263AD142E0AFCEE46BC6DC2319740611D7E39D9029832E29E
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәылеи Сириеи иҭахеит 15 нызқьҩык иреиҳаны. Урҭ рҟынтә Ҭырқәтәыла иҭахеит 12 391ҩык, 63 нызқьҩык раҟара ахәрақәа роуит. Ари аинформациа аланарҵәеит ВВС. Сириа иҭахеит 2992ҩык. Урҭ рҟынтә 1730ҩык иҭахеит ақәгылаҩцәа рнапаҿы иҟоу араионаҿ. Уаҟа аус зуа иҳәынҭқарратәым агуманитартә гәыҧ «Акәылӡхылҧа шкәакәақәа» ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, аиқәырхаратә отриадқәа уажәгьы уахьимнеицт, дара рхала, ирылшо ала ауаа ирыцхраауеит. Башар Асад дызхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ иҭахеит 1262ҩык. АДУНЕИАҾЫ aдгьылҵысрa Сирии Ҭырқәтәыла 6 Еиҧшу Ильҳам Алиев визитла Ҭырқәтәыла даҭааит Илиа Дарчиашвили Ҭырқәтәыла Амилаҭтә ассамблеиа ду аспикер диԥылеит Илиа Дарчиашвили - Ҭырқәтәыла ахада Қырҭтәыла ивизити Қырҭтәыла ашҟа аԥыза-министр Ҭырқәтәыла ашҟа ивизити аус рыдулара шынаҳагӡо ҳаиқәшаҳаҭхеит Аихқәа ишаарыцҳаз, Китаи 7.1 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит, еилаҳаит 50 хыбрақәа рҟынӡа, аҩнқәа аԥхасҭа руоит Иапониа адгьылҵысра ҕәҕәа амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара 84-ҩык рҟынӡа инаӡеит Иапониа адгьылҵысра ҕәҕәа амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара 62ҩык рҟынӡа ишьҭыҵит Ҭырқәтәылатә аполициа израильтәи «Моссад» адҵала ашпионаж азы 33-ҩык ааннакылеит Папуна Маргвелиӡе - Иҳамоу адыррақәа рыла, Раҷа иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны ахыбрақәа ԥырхага рымамыз Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит Иапониа адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит Амш зеиҧшрахо 4° ашә Қaрҭ ашә 3° аҩ 5° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ашәышықәсарацәалатә культуреи амилаҭтә принципқәеи змоу аконсервативтә жәлар ҳауп, уи ииашаны еилкаатәуп Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/acmxtanti-admrraqa-rmla-adg%D1%8Cmlcmsra-amshala-%D2%ADmrqtmla-i%D2%ADaxeit-12-391uimk-sirii-2-992uimk/
2024-03-03T21:30:59Z
<urn:uuid:57984b4e-773b-4c92-985e-b4ac5cd4b88a>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.63
0.98
30
3,868
tlsh:T11D4581818784CF4FCA73C4AC9E918D366CD2A8064622A220CEC5F8B1275519CDEFDC239DFAF8484E74EB2611D0227F051649ECE729BDFAD7605240A51E3E64DE2390BAC19F
Иракли Ҕарибашвили – Азербаиџьан Қырҭтәылазы акрызҵазкәа агәылеи астратегиатә партниори ауп, ашәышықәсарацәалатәи аиҩызара ашьаҭала ишьақәгылаз ҳаизыҟазаашьақәа иҳаракӡоу аҩаӡаранӡа ишьҭыҵит, ҳара уи ҳгәы аздууп - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Ҕарибашвили – Азербаиџьан Қырҭтәылазы акрызҵазкәа агәылеи астратегиатә партниори ау... Иҵегь аҭагалара Иракли Ҕарибашвили – Азербаиџьан Қырҭтәылазы акрызҵазкәа агәылеи астратегиатә партниори ауп, ашәышықәсарацәалатәи аиҩызара ашьаҭала ишьақәгылаз ҳаизыҟазаашьақәа иҳаракӡоу аҩаӡаранӡа ишьҭыҵит, ҳара уи ҳгәы аздууп 16:57, 24.11.2023 «Ахада Илҳам Алиев ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп асас дахь иаҳасабала сааҧхьареи, ари афорум ибзиаӡаны аиҿкаареи, иҧшӡаӡоу ақалақь Бақәа гәыкала сыдкылареи азыҳәан», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Бақәа имҩаҧысуа аекономикатә форум SPECA аҿы данықәгылоз. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, аекономикатә форум SPECA – асектортә усеицуреи арегионаҿ иҭышәынтәалоу аҿиара иазку аинициативеи рзыҳәан ауникалтә платформас иҟалеит. «Шәызынтәгьы салам шәысҭоит, аешьаратә Азербаиџьан гәахәарала саҭааит Ацентртә Азиа атәылақәа рекономикақәа ирызку ЕАР апрограмма ҷыда иалахәы аҳәынҭқаррақәа рнапхгаҩцәа рсаммит аҽалархәразы. Иахьа абра еизаз ҳаҭыр зқәу ауаажәларра рҿаҧхьа сықәгылоит асас дахь истатусла. Раҧхьа иргыланы, ахада Илҳам Алиев ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп асас дахь иаҳасабала сааҧхьареи, ари афорум ибзиаӡаны аиҿкаареи, иҧшӡаӡоу ақалақь Бақәа гәыкала сыдкылареи азыҳәан. Иара убас, гәыкала ишәыдысныҳәалоит ари апрограмма 25 шықәсатәи аиубилеи, зыӡбахәы ҳәоу апрограмма асектортә усеицуреи арегионаҿ иҭышәынтәалоу аҿиара иазку аинициативеи рзыҳәан ауникалтә платформас иҟалеит», — иҳәеит Ҕарибашвили. Иара иажәақәа рыла, Азербаиџьан Қырҭтәылазы акрызҵазкәа агәылеи астратегиатә партниори ауп. «Азербаиџьан Қырҭтәылазы акрызҵазкәа агәылеи астратегиатә партниори ауп, ашәышықәсарацәалатәи аиҩызара ашьаҭала ишьақәгылаз ҳаизыҟазаашьақәа иҳаракӡоу аҩаӡаранӡа ишьҭыҵит, ҳара уи ҳгәы аздууп. Ҳаҭыр зқәу аколлегацәа! Ҳаамҭазтәи агеополитикатә контекст иазҧхьагәаҭаны, ҳрегион аҵакы иаҳа ишьҭыҵит, избанзар, уи атранспорт-логистикатә аимадарақәа реиҕьтәра иацхраауа, акрызҵазкәа атранзит-логистикатә центрс иҟалеит. Мрагылара – Мраҭашәара амаршрутла, Абжьаратә корридорла ахәаахәҭра адиверсификациеи арҭбаареи азҵаара иаҳа-иаҳа аҵакы аиуеит, уи Европеи Азиеи еимыздо уажәтәи амаршрутқәа рзы аинтерес зҵоу альтернативас иҟалоит. Евразиа аконтинентаҿ «Абжьаратә корридор» – зегьы реиҳа ирласны, ахә мариала аидара амҩангара злаҟало каналуп. Убри аҟынтә, ҳареи, азербаиџьантәи казахстантәи ҳколлегацәеи, зыӡбахәы ҳәоу акорридораҿ иҟоу аҧынгылақәа раҧыхразы активла аус еицаауеит, аинфраструктура аиҕьтәреи, иаҳа ирацәаны аимада амҩангара алшара аизырҳареи, апроцедурақәа рырмариареи, иаку атарифтә система аларҵәареи ахырхарҭала аус аауеит», — иҳәеит аҧыза-министр. АПОЛИТИКА Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили 6 Еиҧшу Иракли Ҕарибашвили – Агәра ганы сыҟоуп ҳара аглобалтә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны алҵшәа дуқәа шҳауа, адунеитә масштабла изҩыдоу, ишәҭыкакаҷу аҧеиҧш аиқәыршәара шҳалшо Иракли Ҕарибашвили адунеитә економика алидерцәа иформалымыз ршьыбжьхьа ихы алаирхәит Иракли Ҕарибашвили аилахәыра TAQA анапхгаҩы диҧылеит Аҳәынҭқарра, зынхарҭатә ҭагылазаашьа цәгьоу 1000 ҭаацәара анхарҭа ҿыцқәа рнаҭоит Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду ргәырҕьаҵәа иаҧыларц рзеиҕьасшьоит, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаҧсадгьылгьы Анцәа илҧха ҳагымзааит, аҭынчра ҳамазааит Иракли Ҕарибашвили Хавиер Коломина диҧылеит Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ари аус ҳазықәҧон, аус аауан, атәыла анапхгареи ажәлари ари астатус ҳҽаҧсаҳтәит Иракли Ҕарибашвили Урсула фон дер Лаиен лахь - Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит, ари аӡбара Қырҭтәылеи европатәи адемократиақәа рҭаацәареи ҕәҕәала еиднаҳәалоит Иракли Ҕарибашвили Евроеидгылаҿ ахантәаҩра змоу атәыла – Испаниа аҧыза-министр иахь - Қырҭтәыла, Евроеидгыла ҳаҧхьаҟатәи алахәыла аҳасабала, Европа ашәҭыкакаҷраҿы зҵакы дуу ароль нанагӡоит Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель иахь – Ҳажәлари анапхгара ззызуа аиҳабыреи ҳазну амчыбжь азы Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит Амш зеиҧшрахо 6° Ах Қaрҭ аҧшь 9° ахә 10° Авалиута акурс $ USD 2.6562 0.004 € EUR 2.8820 0.006 ₽ RUB 0.028893 0.017 £ GBP 3.3686 0.006 TOP 5 Испаниа аԥыза-министр Илиа Ҭоԥуриа диԥылеит Иракли Кобахиӡе Павел Герчински диԥылеит Иракли Кобахиӡе Швеицариатәи аконфедерациа ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит Павел Герчински - Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа Евроеидгылеи Қырҭтәылеи ирзеиԥшу ахәынаӡарақәа реиқәыршәараҿы ахадаратә роль нарыгӡоит
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-gharibashvili-azerbaij%D1%8Can-qmr%D2%ADtmlazm-akrmzcazka-agmlei-astrategiat-partniori-awp-ashmshmqsaratcalati/
2024-02-28T02:49:43Z
<urn:uuid:555f3fa5-c20c-495b-8b4f-2f7238799edb>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.61
0.97
51
8,799
tlsh:T1E040B0025A04CB0BE673C149CA918A317DD1791642617260CEC9F5707646098EFFCD03EAFAE80A5AB59B0551D122BF156A4AECEA58BEBAD7715300B01D3F38EE2B9472C6DE
Аиҧылраҿы аганқәа рхаҭарнакцәа гәахәарала иазгәарҭеит ҩ-тәылак рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи астратегиатә партниорреи қәҿиарала ишынагӡо. Иара убас, ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа русхәаҧштә иазааҭгылеит. “Атәылақәа рыбжьара еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура аинтенсификациа азгәаҭаны, ишырҳәаз ала, астратегиатә еизыҟазаашьақәа рформат аусхкытәи, аекономикатәи, ахәаахәҭратәи еизыҟазаашьақәеи, ажәларқәа рыбжьара аимадареи иаҳа арҕәҕәара иацхраап ҳәа игәыҕуеит. Иара убас, аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла агеополиткиатә ҭыҧ ҷыда аҿиара ахырхарҭала ҩ-тәылак қәҿиарала русеицура аҵакы ду амоуп, уи Мрагылареи Мраҭашареи еимыздо акорридор аҳасабала Қырҭтәыла алшарақәа азнарҳауеит. Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Китаитәи жәлартә республика ахада Си Ӡинпин иааҧхьарала Қырҭтәыла аҧыз-министр Китаитәи жәлартә республикаҿы имҩаҧигаз авизит аҭоурыхтә ҵакы шамаз, уи зҵакы дуу ароль нанагӡеит Қырҭтәылеи Китаии реизыҟазаашьақәа астратегиатә аҩаӡарашҟа рышьҭыхра апроцессаҿ. Иара убас, аиҧылараҿы аҧыза-министр, Китаитәи жәлартә республика ахада Си Ӡинпин идҳәаланы Қырҭтәыла ахада иҟалҵаз аҳәамҭагьы дахцәажәеит. Афранцыз телеканал LCI иалҭаз аинтервиу аҿы лара ишылҳәаз ала, атәыла аиҳабыра угәы ҧызжәаша аҳәамҭақәа ҟарҵоит, лара абри аҩыза аҳәамҭақәа дрықәшаҳаҭым. Абри ариторика Қырҭтәыла анапхгареи ақырҭуа жәлари Китаиахь ирымоу азныҟәашьа иашьашәалам, ҩ-тәылак реиҩызаратәи рпарниортәи еизыҟазаашьақәа ирҧырхагоуп”, – иануп аинформациа аҿы. Аиԥылараҿ аԥыза-министр Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили франциатәи аканал LCI аинтервиу аҿы иҟалҵаз аҳәамҭа дазааҭгылеит. Иракли Ӷарибашвили ишазгәеиҭаз ала, абри еиԥш аҳәамҭақәа адкылашьа рымам. АПОЛИТИКА Ирaкли Ӷaрибaшвили Китаи 4 Еиҧшу Китаитәи ареспублика Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизадатә режим шьақәнаргылеит Иракли Ӷарибашвили апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” хантәаҩыс далырхит Биӡина Иванишвили ишааицҳаз, Иракли Ӷарибашвили инапынҵақәа рышьҭаҵара ихала иӡбеит Иракли Ӷарибашвили иахьа абрифинг мҩаԥигоит Иракли Ӷарибашвили Италиа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диԥылеит Иракли Ӷарибашвили Қувеиҭ аҳәынҭқарраҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц - Ношреван Ломҭаҭиӡе диҧылеит "Ақырҭуа гәахәтәы" аделегациа Китаи авизит ихыркәнашеит Иракли Ӷарибашвили Израиль ахада Исаак Герцог диԥылеит Иракли Ӷарибашвили - Атәыла ҳанахагыла ашьҭахь евроинтеграциа амҩаҿ апрогресс азы иҟаҳҵахьаз рацәоуп, ари иабзоураны Қырҭтәыла акандидат статус анашьан Швеицариа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ - Давос имҩаԥысуа сынтәатәи аекономикатә форум аҿы аԥыза-министр еиуеиԥшым апанельтә дискуссиақәа ихы алаирхуеит Амш зеиҧшрахо 10° амҽ Қaрҭ ашә 11° аҩ 14° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-%D3%B7aribashvili-kitai-zhlart-respwblika-atcharazhhaui-di%D4%A5mleit/
2024-03-03T08:56:09Z
<urn:uuid:24227f27-2e1a-4ea2-a0b3-ec4bba346677>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.61
0.99
33
5,852
tlsh:T1D1F7B9C17804CB8BC577C5A8CA9189353CD1690687616260CED9B8B167460A8EFFCD03AAFAEC494E60DB2521D162BF106709FCEB14BEFFD7309300A51D7E34DA379471C69E
Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рыҟны уи аҟәшақәа русура арҕәҕәара иазкыз аусуратә еилацәажәара. Ақалақьтәи араионтәи амилициақәа русбарҭақәа реиҳабацәа аҳәынҭқарра Ахада аинформациа ирҭеит ацәгьаура аҿагылара аусқәеи азинеилагарақәа разҧхьагәаҭареи ирызку аусура шымҩаҧысуа азы. Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит ацәгьауцәа рганахьала аоперативтә информациа аизгареи анализ азуреи рзы аусура арҕәҕәара шаҭаху, иара убас иҳәеит аҭыҧантәи амилициа русура аиҕьтәра аҵак ду шамоу. Уи иазгәеиҭеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи уи аҟәшақәеи русура арежим шырҕәҕәатәу, еиҳаракгьы акурорттә аамҭа ҳасаб азуны. Ахада Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Беслан Ҳагба адҵа ииҭеит атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рыҟны иааиҧмырҟьаӡакәа агәаҭаратә усурақәа рырҕәҕәарзы, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аилазаара зегьы амаҵзура арҕәҕәарахьы аиагаразы, уахынлагьы ҽынлагьы амҩақәагьы ауаа реиланхарҭақәагьы рыҟны, еиҳаракгьы аҧсшьаҩцәа ахьырацәоу аҭыҧқәа рыҟны ашәарҭадара хылаҧшра аҭаразы. Аилацәажәараҟны иара убас иалацәажәан Аҳәынҭқарратә Автоинспекциа Аусбарҭеи агәаҭара-посттә маҵзурақәеи русура. Ахада Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр анапхгара рҿаҧхьа уснагӡатәны иқәиргылеиет хазхаҭалатәи автотранспорттә хархәагақәа ртехникатә ҭагылазаашьа агәаҭара аҧыхразы ажәалагалақәа разырхиара, убри аан иазгәаҭан иааиҧмырҟьаӡакәа апассаџьыри аидареи мҩанызго автотранспорттә хархәагақәа ртехникатә ҭагылазаашьа агәаҭаразы аусура шырҕәҕәатәу. Ахада Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр анапхгара анапы ианиҵеит иааиҧмырҟьаӡакәа автотранспортрныҟәара аҧҟарақәа еилазго атәылауаа рганахьала аҭакҧхықәра рыдҵара арҕәҕәаразы ажәалагалақәа разырхиара, еиҳаракгьы ижәны, арҩышьыгатә маҭәашьарқәа зхы иархәаны автотранспорт зырныҟәо ахаҿқәа рзы. Ахада ирыдигалеит автотранспортрныҟәара аҧҟарақәа еилазго ацәгьауцәа рахьырхәра усхк аҳасабала аамҭала урҭ рҭакра, анаҩс автотранспорт хархәагақәа рымхра. Аилацәажәара далахәын Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2336/
2024-02-29T07:31:54Z
<urn:uuid:77b83038-4e36-41b7-b2ec-ee1420c1f86e>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.87
0.98
15
4,559
tlsh:T1F4ACB1915740DB8BC2B3C455DEC19E356CD1A8464762B671CE89F0B21B42048FBFCD23DAFBFC198B709B1515D165BF106A0EFCEA28796AD3701241B12D2E38DC2790B6C2AE
Аҳәынҭқарра Ахада Шьамтәылатәи ар аинрал-амаиор, иналукааша ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩы Уалид Маршьан имшира аҽны ԥхынгәымза 8 рзы Абаза аинрал иаҳәаԥса Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҭаразы азыӡба идикылеит. Аҳәаԥса Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ҳамҭас ииҭеит Уалид Маршьан иԥа Ҳалид Маршьан аҳәынҭқарра Ахада 2021 ш. лаҵарамзазы Шьамтәылатәи Арабтә Республика визит ҳасабла даныҟаз. Усҟан, аҳамҭа инапы ианаиркуаз, Ҳалид Маршьан иазгәеиҭеит аҳәаԥса Уалид Маршьан ишныҟәигоз арратә Академиаҟны иҵара даналга, аҭаацәа рызгьы акыр шаҵанакуа ареликвиа аинрал иҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны иҟазар. Аслан Бжьаниа ихьӡала аинрал Абаза иаҳәаԥса аҳәынҭқарратә музеи иаиҭеит аҭҵаарадырреи акультуреи рызҵаарақәа рзы Ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа. Нугзар Логәуа иазгәеиҭеит аинрал Маршьан иҭаацәа Шьамтәылан даара ҳаҭыр шрықәу. "Ари аҳәаԥса Маршьанаа рҭаацәаразы реликвиоуп. Уалид Маршьани уи иҭаацәеи аруаан. Ахада Шьамтәылатәи Арабтә Республика визит ҳасабла данааҭаа, хьӡи-ԥшеи згымыз аинрал иҭаацәа Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ҳамҭас ирҭеит. Ари ахҭыс асимволтә, акультуратә, аҭоурыхтә ҵакы амоуп ҳажәларқәа рзы. Сгәы иаанагоит аҳәаԥса аԥсуа культура ахәышҭаараҟны - амузеи аҟны иахәҭоу аҭыԥ ааннакылап ҳәа", - иҳәеит Нугзар Логәуа.
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/14751/?print=Y
2024-02-22T19:53:45Z
<urn:uuid:59fae3ee-afdb-4f08-aeff-87d115e55b14>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
5
2,255
null
Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа 90 шықәса ихыҵра инамаданы Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аинформациатә портал ишәыднагалоит Аԥсни уи аԥеиԥши ирызку иҳәамҭақәа. "Еснагь имариамзаргьы, уҿы еиманаҳәахуа иашазаргьы, аиаша аҳәара ҳҽаҳаршьцылароуп. Ахәыҷы аҿгьы аду аҿгьы..." 1 "Иахьа уажәраанӡа, зыбжеиҳара мцала икылблаау аҭоурых змоу, зхатәы бызшәа, зхатәы культура змоу, зегьы рыԥсы злахо агаҿа тәыла ԥсадгьылс измоу – жәларны ҳҟазҵо зегьы, зыҵа кылжәаз аԥҳал аиԥш, инаҵыкәкәа ицоит, ҳаргьы баша хыԥхьаӡаран аԥслымӡ ҳаалахоит. Убасҟан ауп ҳазлаҟаз зыԥсаз анаадырша, аха уанӡа ианнеи, ҳаӷеимшхара, хнырҳәышьа аиуӡом. Ус акәымкәа, аҽакала иӷәӷәоу, аҽакала еиҿартәу ажәларқәа, аҳәынҭқаррақәа рԥышәа, ауаатәыҩса зегьы рԥышәа, иахьатәи атехнологиа ишахәҭоу, иахьынӡахәҭоу ҳақәшәан ҳхы иаҳархәеит ҳәа, ҳара ҳазлеибарку, мчыс иҳамоу, ҳҷыдарақәа изырԥырхагахаӡом, еиҳагьы иарӷәӷәоит. Убрагь иҳалаӡаша, иҳазхаша адоза еиҳамтәкәа. Ианҳармыцхә, Анцәа иумҳәан, ҳмилаҭтә қьамса ԥыжәжәа иқәнаҵоит..." Ажурнал "Алашара" 5-тәи аномер аҟнытә, 2019 шықәса 2 "Абриаҟара аӷацәа рнапы иадыргахьаз, ирхәынгахьаз ҳԥеиԥш, уажәы ҳнапаҿы ианыҟала, зҩырақәа зныҵхьоу ақьаад иахьеиԥшхаз ҟалеит. Адунеи дуӡӡаҿы хкырацәала еилышьу, еилаԥсоу, еиҿкаау, еизыҟоу, еизыҟам аҳәынҭқаррақәа, аҳәынҭқарра аҟынӡа инаӡам, аимбрионқәа иреиԥшу анклавқәа уҳәа, зегьы ирзеиԥшу апринципқәа, аԥҟаррақәа шыҟоу аиԥш, досу, хәыҷгьы дугьы, рхатәы гьама, рхатәы ԥышәа, рхатәы ҷыдарақәа рымоуп. Убри аганахь ала, адунеи хкы-рацәала еилоу, еибыҭоу амозаика иеиԥшуп. Убра рыцкны иадамзаргьы уаҭахны уалԥшуазароуп. Абарҭ зегьы ҿыц ҳарзымхәыцыр, еимаҳамкыр, еимҵаҳамкыр ԥсыхәа анамам, ҳаззыԥшымыз акыр ҳзааԥшит. Иҳакәыршан иҟоу – ҳазҭахугьы ҳазҭахымгьы – рԥышәа ыҟазаргьы, аӡәы уиҿыԥшны мацарагьы хара узцаӡом. Ахыҵхырҭа амч ҟазҵо, уԥашә змоу дгьылк уқәгылазароуп. Зны-зынла ахәшәыҵәҟьа ҳааҵраҿ ишыҟоу, мҵәахы ԥшаа ҳәа, иахьыҟаӡам ҳанашьҭоу еиҳауп..." Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә" 1-тәи ахәҭа "Ҳазхысхьоу аиҭаԥхьара" аҟнытә, 2012 шықәса 3 "Абриаҟараамҭа ихьыԥшыз ажәлар, изхьыԥшыз рзакәанқәеи рыԥҟарақәеи ирықәныҟәозаргьы, ирзыразымызт, иахьынӡалшоз урҭ рзы аҭакԥхықәрагьы иадгылацәомызт. Уажәы урҭ зегьы аҽакала ирыхәаԥштәхеит, аҭакԥхықәрагьы шеибгоу ҳхахьы иаагароуп. Ԥаса ҳара ҳаҩнуҵҟа Аԥсуара аԥҟаррақәа рыла ҳаиҩысуан еиҳарак. Уи бзиоуп џьара иавамлакәа ламысла ианазнеиуа. Аха, Аԥсуарагьы, еиҳа амч анамазгьы, ада ԥсыхәа жәла аныҟамызгьы, иагдырхон. Иахьа еиҳагьы иагдырхоит. Уламыс кәадазар, уи аԥҟаррақәа рхыҵхырҭақәа марианы иуԥшаауеит. Уламыс ӷәӷәазар ауп ус акы ухьыр ухы уанақәыӡбо, ухы анахьурхәуа" Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә" 1-тәи ахәҭа "Ҳазхысхьоу аиҭаԥхьара" аҟнытә, 2012 шықәса 4 " Уажәы, аҳәынҭқарра, ахатәы мчра, урҭ реиҿкаара, аҭакԥхықәра ду – ажәлар рҿаԥхьа, адунеи аҿаԥхьа, ҳԥеиԥш аҿаԥхьа – иаҭаххаз иҵегь ирҭбаауп. Убарҭ зегьы, зхыҵра, зеилагара ҟамлаӡо азакәан аҳәаақәа, арамкақәа ирҭагӡахароуп. Ари аамҭа иақәшәо, дара рышьаҭақәа зырӷәӷәо жәлары ртрадициақәа, рԥышәа ду арҭбаара, арҵаулара ауп иаанаго" Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә" 1-тәи ахәҭа "Ҳазхысхьоу аиҭаԥхьара" аҟнытә, 2012 шықәса 5 "Иарбан милаҭзаалакгьы, иарбан уаажәларразаалакгьы иааихмырсыӷьӡакәа рхы ҭырҵаауеит, рыцәгьа рыбзиа еилдыргоит. Уи рмилаҭтә хдырра иацхраауеит, иарӷәӷәоит. Ҳара аԥсуаагьы, иаҳԥырхагоу шырацәоугьы, ҳахдырра дырхәашьырц ишашьҭаӡазгьы, уеизгьы-уеизгьы зегьы ныҭкааҵәҟьан иҵаны ишҳамамгьы, иахьа уажәраанӡагьы ҳамч ахьақәымхаз шыҟоугьы, уеизгьы иҳагу-иҳабзоу цәгьамкәа иаадыруеит. Аҳәынҭқарра анаҳцәыӡлак, ҳанхьыԥшхалак, аԥсуара ҳацырхыраан, ажәлар рыхдырра аԥсы ҭакны иаагон" Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә" 2-тәи ахәҭа "Иҿыцны изхыстәу" аҟнытә, 2012 шықәса 6 "Ҳҳәынҭқарраҿ закәанла ҳбызшәа иазыԥҵәоу аҭыԥ аҟынтәи анахарагьы аӡәгьы азин имам, ажәларгьы ирҭом. Абриаҟара ԥсҭазаара зыхҭнырҵахьоу, шьа зызкарҭәахьоу, уажәтәи ҳаибашьраҿы мацарагьы акәымкәа, ҳара аҭоурых ҳарбоижьҭеи, ахадарақәа, раԥхьаӡа игылақәоу иреиуоуп ҳбызшәа иара иатәу, иахәҭоу аҭыԥаҿ анагара. Убас, аԥсуа бызшәагьы аҭыԥаҿ ианаанха, аурыс бызшәагьы аҭыԥаҿ ианыҟала, дара-дара еицхыраартә, еибарыӷәӷәартә аҭагылазаашьа роуеит. Уи ауаажәларрагьы иҵегьы еилаҵәо иҟанаҵоит, еснагь проблемас, хьаас иҳамоу ҳбызшәа аԥеиԥшгьы ҳацәымшәо аҟынӡа" Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә" 2-тәи ахәҭа "Иҿыцны изхыстәу" аҟнытә, 2012 шықәса 7 "Ҳәарада, аҳарҩа шьҭазҵо, ашьха атәы иагымкәа идыруазаргьы, егьа дацклаԥшызаргьы џьара-ҩыџьара иахьаҭыԥым ишьҭеиҵазар ҟалоит, иҟалоит ишьҭалан иааиуаз аӡәы-ҩыџьа ҭанархахьазаргьы. Уи иара ихарамызт, аха игхаз, иахьимбаз, иҟалап дахьыццакцәаз акәзаргьы изыхҟьаз. Аха, аамҭа акры анцалак, аԥышәа анеиҳахалак, урҭ зегьы уаҩы ибарҭахоит, изыхҟьо еилукаартә иҟалоит. Убри азы ауп аҭоурых аиаша еснагь изыԥшаалатәу. Уи иулнаршоит ус еиԥш иҟоу аҭыԥқәа рҿы аҳарҩа иашан, амҩа уахнамырҟьартә аиҭашьҭаҵара. Ус акәымкәа, уи зыгхаз, аҭагылазаашьа изнамырбаз, ихьӡ-иԥша шьақәгылахьеит, ажәлар рҿы дшырдыруа иҟаз ҳәа, имҳәаӡакәа, иахьаҭыԥмыз ишьҭеиҵаз аҳарҩа иахьыҟоу иныжьны иавсыз, днаԥхеит ҳәа ауп иаанаго, ажәлар рҿаԥхьагьы, урҭ рзааԥсаҩ ихаҭа иҿаԥхьагьы" Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә" 2-тәи ахәҭа "Иҿыцны изхыстәу" аҟнытә, 2012 шықәса 8 "Ҳаӷацәа еснагь ҳҭоурых иачычан. Иачычан, избанзар иара ҳаман. Дара иҳамамзар рҭахын. Усҟан акыр ирзымариахон рнапахьы ҳаагара. Иахьа, абри аиԥш аҭагылазаашьа анҳау, ҳҭоурых нагӡаагӡан иҩхароуп, иҩу ахьыриашатәу ириашахароуп. Иахьаҭыԥым ишьҭоу аҳарҩақәа ииаган, иахьырҭыԥу, амҩа иаша иадыргахартә иҟаҵатәуп. Уи ҳҳәынҭқарра аргылара иахәҭакуп" Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә" 2-тәи ахәҭа "Иҿыцны изхыстәу" аҟнытә, 2012 шықәса 9 "Иахьа, абас, иаахтны ҳцәажәартә, иаҳҳәарц ҳҭахызар аиаша ҳҳәартә ҳаныҟоу, зегьы напыцқьала рхы ҳкыртә, убри иреиҳау, изхықәаау мычны иҟаҳҵартә ҳаныҟоу, зыҵкы арахәыц ацәызӡо леиԥш, аҭоурых еиқәырҽаҽаҩцәа ирҳәахьоу амцқәа, аҭоурыхтә хыҭҳәаақәа зегьы шыҟоу инхарц аҽышәарақәа ҟарҵоит. Насгьы, иҟоуп зхаҳәатәала, зинк џьара уи азы измаӡамкәа, даара акрызҵазкуа аҭоурыхтә хҭысқәа, ҳажәлар рҭоурых ҟазҵоз ахаҭарақәа рыхә ҿыцны, дара ишырҭаху, ринтересқәа ишрыҵаркуа изыԥсахуа. Ахақәиҭра, ажәа ақәиҭра абас зхы иазырхәо. Абри ҭагылазаашьаан иҟазҵахьоу уи аиԥш акциақәа ишырҿыц ирҿуп, аҭоурыхҭҵааҩцәа ҳәа ҳзықәгәыӷуа рҿы аӡы ҭаҭәаны иԥшуп, зхатәы усқәа зыблақәа хыркыз ауаажәларрагьы – убас, аҭоурых еиқәырҽаҽаҩцәа даргьы зҿу уи ауп, рԥаҵа иалаччо иахәаԥшуеит" Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә" 2-тәи ахәҭа "Иҿыцны изхыстәу" аҟнытә, 2012 шықәса 10 "Абиԥарақәа ажәлар рыхдырраҿ ишьҭарҵахьоу аҳарҩақәа рыцхраауеит дара зхаану, аамҭа ҿыц иашьашәало аҳарҩа ҿыцқәа рышьҭаҵараҿы, ишәаны-изаны, ирыцклаԥшны. Абас ииуеит, абас ахы акуеит, иӷәӷәахоит ажәлар, аҳәынҭқарра шьаҭас, бӷас ирымоу абиԥарақәа реигәныҩра, реибадырра, реибаркра. Иахьатәи ауаажәларрагьы иахьеиқәшәақәо, иахьеиқәымшәақәо, иахьеиқәшаҳаҭқәоу, иахьеиқәшаҳаҭқәам, иахьеиҿыхо, иахьеизааибагақәо, иахьеицҿаку – зегьы ҩныҵҟала иныҟәызго мчны, абиԥарақәа реигәныҩра, реибадырра, реибаркыра амҩала ҳнанагоит макьана. Уи амҩа шьхацамҩоуп. Аԥсҭазаара мҩа еснагь иҩадараҵәҟьоуп. Аԥсуаа баша иахьӡрымҵеит Ашьхацамҩа ҳәа, ажәҩан иалҳәан инагоу аеҵәарыԥхра ду. Убри иалԥхо аеҵәақәагьы ҳарҩақәоуп, еишьҭагылан иааиуа абиԥарақәа амҩа дзырбо"
https://www.abaza.org/abk/alyksa-goguua-90-shykusa
2024-02-25T08:49:30Z
<urn:uuid:fa759666-9d37-418e-af23-8089568e71bb>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
1
0.78
1
37
13,395
tlsh:T1C6D88D52BA80DB4BCAB3C489CB92893578C11843476336608EC5F4B61985068FFFCD13AAEBE51A4E38AB1122D122BF15691EFCF6647E6BE6709340E52D3F75DD236836D19E
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра ИАР атәылақәа аԥшьбатәи рдепартамент адиректор Денис Гончар адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит. Адныҳәалараҿы иаҳәоит: «Ҳаҭыр зқәу Денис Владимир-иԥа! Гәыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи. Шәара шәусура шьаҭаны иазыҟоуп аԥышәа, адырра ҵаула, аҟәыӷара.
http://mfaapsny.org/allnews/news/notes/segodnya-svoy-yubiley-otmechaet-direktor-chetvertogo-departamenta-stran-sng-ministerstva-inostrannykh/
2024-02-25T08:00:11Z
<urn:uuid:3130bee2-c130-42b8-9cd7-1010907dde67>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
3
612
tlsh:T14BF503F028049E4BC6A3D08C18A28E33A5C0514796A272716FD6E1B00741148EBFCD23D1B9BD014A689709A1CA936B10AB4FECD928BDFB87709244B46D1E6CFA375932D2CE
Апрель 14 1994 шықәсазы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григории-иҧа Арӡынба инапы аҵаиҩит Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ақәҵара «Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аус аруразы аиҿкаатә «Аҧсны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рҳәынҭқарратә маҵзура азы». Ари арыцхә Аҧсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аҳәынҭқарратә маҵзура анапҵахаз мшуп. Анаҩс, декабрмза 2002 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟала ари амаҵзура Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аҳасабала ишьақәыргылахеит. Апрельмза 1994 шықәсазы ашәахтқәеи аизгақәеи рзы Аҳәынҭқарратә маҵзура раҧхьатәи анапхгаҩыс дҟалеит Беслан Константин-иҧа Кәыбраа. 1998 инаркны 1999 шықәсанӡа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра напхгара аиҭон Григори Ражьден-иҧа Еныкь. 1999 инаркны 2002 шықәсанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс дыҟан Константин Константин-иҧа Озган. 2002-2005 шықәсқәа рзы ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан А.Н. Лышәба. 2005-2010 шықәсқәа рзы ашәахтқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан Вахтанг Ахра-иҧа Ҧиҧиа. 2010 инаркны 2016 шықәсанӡа ашәахтқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан Рауф Аслан-иҧа Цымцба. Октиабрмза 2016 шықәса раахыс Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра напхгара аиҭоит Даур Лионти-иҧа Кәырмазиа. Уи ихаҭыҧуаҩцәас аус руеит Александр Ризабеи-иҧа Гәлиеи Геннадии Лионти-иҧа Арӡынбеи. Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра шьақәгылоуп аппарат Хадеи, Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыҧшь, Очамчыра, Галл араионқәеи Аҟәа ақалақьи рҿы иаҧҵоу ашәахтә инспекциақәа рыла. Аппарат Хада аилазаара иалоуп анаҩстәи аусбарҭақәа: азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа; ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа; аоперативтә усбарҭа; анализи алкаақәҵеи рзы аусбарҭа; азинқәҵаразы аусбарҭа; акадрқәеи аусеилыргареи рзы аусбарҭа; афинансқәеи аҧхьаӡаратәреи алкаақәҵеи рзы аусбарҭа; аинформатизациазы аусбарҭа. Раҧхьаӡа иргыланы, хықәкынагӡарак аҳасабала Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аҿаҧхьа иқәгылоуп атәыла аекономика иаҵанакуа асубиектқәа зегьы рыбжьара ашәахтә закәанҧҵара аусура хылаҧшра аҭара, иҧҵәоу ашәахтқәеи, егьырҭ аизгақәеи рыгжьра амҭакәа, ианаамҭоу аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ралагаларазы. Аппарат Хада аусбарҭақәа рпрактикатә усура ҵаҵҕәыс иамоуп ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ауснагӡара хра злоу ахырхарҭақәа рыла, «Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә маҵзуразы» захьӡу Азакәани, аминистрра аусбарҭақәа рықәҵарақәеи рыла.
https://mns-ra.org/eng/company/?
2024-03-03T06:59:52Z
<urn:uuid:f50a3a49-bbdc-40e8-82cd-bbfd2b0541ce>
[]
[]
abk-Cyrl
0.95
1
1
11
4,322
tlsh:T1013413916E409BB7C5F3C04987A1AA364CD2A4170261F130CE84B4B00B82049D7FCD23AEF9A8468AB46B1551D139BF24AA1BFFE5747D6FD7704240616E1F68DD37D4BDE69D
Асасааирҭа «Риҵа» - Аҧсны зегьы реиҳа иҧшӡоу, аромантика зныҧшуа сасааирҭоуп. «Риҵа» аартын 1914 ш. азы, убри инаркны иҟалеит иара Аҟәа ахаҿра иасимволны, иахьагьы еиқәханы иҟоуп 20-тәи ашәышықәсазы иамаз аиҿкаашьа лыҧшаах. 2014 шықәсазы асасааирҭа иазгәанаҭоит шәышықәса ахыҵра. Ари аиубилеи инамаданы, сынтәа, есымза асасааирҭа ахолл аҿы имҩаҧыслоит еицырдыруа аҧсуа асахьаҭыхыҩцәеи афотоҭыхыҩцәеи русумҭақәа рцәыргақәҵа. Абас, мшаҧымзазы, ара еиҿкаан зҟыбаҩ бзиоу аҧсуа фотограф Ибрагим Ҷкадуа ифотоцәыргақәҵа «Модерн». Афотопроект шьаҭас иазыҟалеит «Модерн» астиль ала иаҧҵоу Русудан Кобиакова иаҧылҵаз аҳәса рышәҵатәы аколлекциа. Ибрагим Ҷкадуа зеиӷьаҟам ифотоҭыхымҭақәа Модерн астиль ала иаадыртуеит убла хнакратәы иҧшӡоу адунеи. Ари апроект аҿы ашәҵатәқәа зегьы ирныҧшуа иҟаҵоуп 20-тәи ашықәсқәа рзы аҧыжәара змаз Арт-Деко аамҭазтәи, уи аҧхьа иҟаз Ар-Нуво рстильқәа, «Афотоҭыхымҭақәа цәыргоуп афото ақьаад аҿы акәымкәа ицәааку абырфын ала.
https://ritsa-hotel.com/abh/2-uncategorised/57-malyj-lyuks-2
2024-02-28T14:01:55Z
<urn:uuid:f93f7483-d73b-4111-8d31-cf734ca5ee65>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
3
1,742
tlsh:T1454854319D40CB5FC4F3C08ACA804E355CE0692143639261DDC1B0B5614505AFEFCD11A5F9EC075AA4EF5222D226AE156E4ABCFA387D9DD7329384917E3F94CF07783AD94E
Рауль Ҳаџьымба Иааҳакәыршаны иҟоу аҧсабара ахьчара адунеизегьтәи амш рыдиныҳәалеит аекологцәа, аҧсабарахьчаратә усбарҭақәа рспециалистцәеи аветеранцәеи. Адныҳәалараҿы иҳәоуп: Ҳаҭыр зқәу аекологцәа, аҧсабарахьчаратә усбарҭақәа рспециалистцәа, аветеранцәа. Ишәыдысныҳәалоит Иааҳакәыршаны иҟоу аҧсабара ахьчара адунеизегьтәи амш! Зыда ыҟам Аҧсны аҧсабара аҧсуа уаажәларра рмалқәа зегьы ирмалуп. Ҳара зегьы, хымҧада, Аҧсны аҧсабаратә цхыраагӡақәа реиқәырхара зеиҧш ҭакҧхықәраны ишҳаду дырны ҳазнеилароуп. Есҽнытәи аекологиатә маҵзурақәа русура иабзоураны иааҳакәыршаны иҟоу аҧсабара хылаҧшра аҭара, есышықәса уи ахаҭабзиара аиҕьтәразы алшара ҳамоуп. Аха ари аусура еиҧҟьарада алҵшәа бзиақәа амазарц азы аҧсабарахархәаҩцәеи, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, ауаажәларра зегьи ҳамчқәа еилаҳҵароуп, ҳаицхыраароуп. Акыр иаҧсоу аҩызцәа! Зыҧсҭазаара аҧсабара ахьчара иадызҳәалаз зегьы, иҭабуп ҳәа шәаҳәарц сҭахуп ҳуаажәларра ҧхьаҟатәи аҧеиҧш иазку, ҭакҧхықәра ду зцу шәусуразы! Ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, аихьӡара дуқәа шәнапы злаку аус аҟны! Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2238/
2024-02-29T08:35:31Z
<urn:uuid:50fc17bf-2896-40f5-8cb3-2555ce399928>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.87
0.88
0.96
16
2,795
tlsh:T1EBD72F517840C75BD2B3C1AACB834F3528E02C0A47237264DE8DF5B642C2055EAFCD12D6EBE5155BB4E70612D176BF256C0DEDEA25BDA9D3304240B12C2FBDD827A431C5AE
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата иреиҳаӡоу анапхгараҭаратә усбарҭаны иҟоуп Апалата алахәылацәа рзеиҧш еизара. Изаамҭанытәиу Аизара Апалата ахадара ааҧхьарала шықәсыкахь знык имҩаҧгахоит. Хырҧашьа змам азҵаарақәа рыӡбаразы, изаамҭанытәим Аизара еизгазар ҟалоит. Изаамҭанытәим Аизара еизгахоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата Ахадара, агәаҭаратә комиссиа, ма Апалата алахәылацәа 2/3 рыӡбарала. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата алахәылацәа рзеиҧ Еизара: Апалата аусуразы ажәахәқәа ирзыӡырҩуеит, агәаҭаратә комиссиа аҳасабрбақәа рыла аӡбара рыдыркылоит; Ахадара алнахуеит; Апалата агәаҭаратә комиссиа алнахуеит, ишьақәнарӷәӷәоит иара аусуразы Ақәҵара; АА ААП Аҧҟаҧҵәа аднакылоит, аҧсахрақәа аланагалоит; АА ААП аусура аанкыларазы аӡбара аднакылоит; Апалата аусурахь иаҵанакуа егьырҭ азҵаарақәа аӡбоит; Азҵаарақәа изаамҭанытәиу аизараҿы еиҧш, изаамҭанытәим аизараҿы аӡбаразы излацәажәо ӡбахоит иаарту абжьыҭирала, аӡбаразы иаҭахуп абжьы аиҳара агара (50%-1абжьы) аизараҿы иалахәы алахәылацәа рыбжьы. Аҧҟаҧҵәа аҧсахрақәа ма ацҵақәа, Апалата аусура аанкылара, арҭ азҵаарақәа рыла аӡбара рыдкылахоит Аизараҿы иалахәу алахәылацәа 2/3 рыжбыҭирала.
http://www.tppra.org/ab/o-torgovo-promyshlennoy-palate/prezident/assembly/
2024-02-26T19:03:10Z
<urn:uuid:1d5b76d7-ea4f-4453-996d-5b99359fce7b>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.99
1
1
11
2,202
tlsh:T17C76B7411740DF6FC9B3C0959A814E39798119430622B7A0CECCB1740646599FAFCD13A6BFC82119B09B2817C162BB1A1D1AFDE5943DBFEB604600E5693F3CDA37A832C5FC
Аилатәараҿы, бжеиҳарала, ирылацәажәеит уажәазы имҩаҧысуа, иара убас, имҩаҧыргараны иҟоу аинфраструктуратә проектқәа, урҭ рыбжьара − аихамҩа амодернизациеи, Анаклиатәи иҵаулоу абаҕәазеи, Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рырҿиареи апроектқәа. Анаклиатәи апроект ианалацәажәоз ишазгәаҭаз ала, 2024 шықәсазы иалагоит амшынтә аргыларатә усурақәа. Иара убас, ари ашықәс азы аадырҧшуеит аконцепциатә еиқәшаҳаҭра здызкыло хазхаҭалатәи апартниор. 2024 шықәсазы Анаклиатәи абаҕәаза аинфраструктура аргылара иалагоит. Уажәазы активла имҩаҧысуеит аинвестор иалхра апроцесс. Зыӡбахәы ҳәоу аинвестор, аҳәынҭқарра аицҽалархәрала, Анаклиатәи иҵаулоу абаҕәаза аинфраструктура арҿиара иуалуп. Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рырҿиара апроект иадҳәаланы ишазгәаҭаз ала, апроект анагӡара иалагоит 2024 шықәсазы. Ари азҵаара ианалацәажәоз ишазгәаҭаз ала, аҳаирбаҕәаза ҿыц атранзит-логистикатә азкызаара амазаауеит, зыҩаӡара ҳараку апассаџьыртәи аидаратәи терминалқәа рыла, уи абзоурала, иарбанзаалак адуреи ахки змоу апассаџьыртәи аидаратәи аҳаирпланқәа рыдкылареи рымаҵ ауреи рылшоит. Ахеилак алахәылацәа Ҭелави ақалақьаҿ апассаџьыртә терминал ҿыц аргыларагьы иалацәажәеит, уи шықәсыкала 50,000ҩык раҟара апассаџьырцәа рымаҵ аура алшоит. Аплан ианахәаҧшуаз ишазгәаҭаз ала, аҧырратә цәаҳәа аханатә идырҿыцуеит, 1700 метранӡа аура ацырҵоит, ишьақәдыргылоит ҳаамҭазтәи анавигациатә системақәа, анавигациатә абааш ҿыц дыргылоит, иара убас, ишеибгоу идырҿыцуеит аҳаирбаҕәаза аҩныҵҟатәии адәахьтәи инфраструктура, апаркингтә аҭыҧ ҿыцқәеи апассаџьырцәа ирзыманшәалоу ақәыҧшыларақәеи еиҿыркаауеит. Ҭелавтәи аҳаирбаҕәаза раҧхьатәи апассаџьырцәа аднакылоит 2024 шықәсазы. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу аҳаирбаҕәаза арҿиаразы иаҭахуп 25 миллион лари аинвестициа. Хшыҩзышьҭра рызун Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ имҩаҧыргараны иҟоу ауснагӡатәқәа, ишазгәаҭаз ала, уаҟа идыргылоит 3.5 км. аура зауа аҧырратә цәаҳәа ҭбаа, уи иарбанзаалак адура змоу аҳаирпланқәа рыдкылара алшоит, иаҳа ирацәаны авиареисқәа рымҩаҧгара алшара ҟалоит, аамҭакала, изакәызаалак ҧкрак ада, аидаратә ҳаирпланқәа рыдкылара рылшоит. Апроект аус адулара хыркәшазароуп 2023 шықәса ҧхынҷкәын азы, убри анеҩс, хара имгакәа, аргыларатә усурақәа иалагоит. Аиҳабыра алахәылацәа аихамҩа амодернизациа апроектгьы иалацәажәеит. 2024 шықәсазы аихамҩатә транспорт аусхкы аҿы ареформа хыркәшахоит, европатәи астандартқәа ирышьашәалоу асистема аладырҵәоит, уи абзоурала, ари аусхкы аусушьа еиҕьхоит, амҩангара аамҭеи ахарџьқәеи иаҳа имаҷхоит, аихамҩала зымҩангара ҟало аидара аҭаӡара азҳауеит 28 миллион тонна аҟынтә 48 миллион тоннанӡа. Ахеилак аилатәараҿы Мраҭашәаратә Қырҭтәыла иҟалаз аҧсабаратә рыцҳара иахылҵыз алҵшәақәагьы ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, азарал шьаҭанкыла ирыҧхьаӡоит, аинфраструктура ирласӡаны еиҭашьақәдыргылоит. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, ҭаацәаракгьы ацхыраарада иаанхом. АПОЛИТИКА Аекономикатә хеилак аилатәара Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили 3 Еиҧшу Иракли Ҕарибашвили – Агәра ганы сыҟоуп ҳара аглобалтә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны алҵшәа дуқәа шҳауа, адунеитә масштабла изҩыдоу, ишәҭыкакаҷу аҧеиҧш аиқәыршәара шҳалшо Иракли Ҕарибашвили адунеитә економика алидерцәа иформалымыз ршьыбжьхьа ихы алаирхәит Иракли Ҕарибашвили аилахәыра TAQA анапхгаҩы диҧылеит Аҳәынҭқарра, зынхарҭатә ҭагылазаашьа цәгьоу 1000 ҭаацәара анхарҭа ҿыцқәа рнаҭоит Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду ргәырҕьаҵәа иаҧыларц рзеиҕьасшьоит, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаҧсадгьылгьы Анцәа илҧха ҳагымзааит, аҭынчра ҳамазааит Иракли Ҕарибашвили Хавиер Коломина диҧылеит Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ари аус ҳазықәҧон, аус аауан, атәыла анапхгареи ажәлари ари астатус ҳҽаҧсаҳтәит Иракли Ҕарибашвили Урсула фон дер Лаиен лахь - Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит, ари аӡбара Қырҭтәылеи европатәи адемократиақәа рҭаацәареи ҕәҕәала еиднаҳәалоит Иракли Ҕарибашвили Евроеидгылаҿ ахантәаҩра змоу атәыла – Испаниа аҧыза-министр иахь - Қырҭтәыла, Евроеидгыла ҳаҧхьаҟатәи алахәыла аҳасабала, Европа ашәҭыкакаҷраҿы зҵакы дуу ароль нанагӡоит Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель иахь – Ҳажәлари анапхгара ззызуа аиҳабыреи ҳазну амчыбжь азы Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит Амш зеиҧшрахо 10° амҽ Қaрҭ ашә 11° аҩ 14° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/qmr%D2%ADtmla-aphmza-ministr-inapxgarala-aekonomikat-xeilak-ailatara-muiaphgan/
2024-03-03T05:59:10Z
<urn:uuid:6ab38968-61ad-4b02-8968-2d89790d72d2>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.98
0.67
0.99
36
8,946
tlsh:T115D909028840DB4BDAB3C549CA818A353CD178178262A260CEC9F4B166460A8FFFCC1399FEEC495AB0DB1516D152BF056609ECE618BDBED7715300A12D3F38DE2B9876C5DE
Шьалуа Папуашвили - Жәлар ринтересқәа ирылоуп 2024 шықәсазы арадикалтә амш аусхәаԥштә ашьақәыргылара зин аӡәгьы азымҭо, атәыла ииашоу аполитикатә приоритетқәа ирышьашәало алхрақәа мҩаԥгахар - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Шьалуа Папуашвили - Жәлар ринтересқәа ирылоуп 2024 шықәсазы арадикалтә амш аусхәаԥштә ашьа... Иҵегь аҭагалара Шьалуа Папуашвили - Жәлар ринтересқәа ирылоуп 2024 шықәсазы арадикалтә амш аусхәаԥштә ашьақәыргылара зин аӡәгьы азымҭо, атәыла ииашоу аполитикатә приоритетқәа ирышьашәало алхрақәа мҩаԥгахар 09:48, 13.11.2023 Ақырҭуа жәлар ринтересқәа ирылоуп арадикалтә амш аусхәаԥштә ашьақәыргылара зин аӡәгьы азымҭо, атәыла ииашоу аполитикатә приоритетқәа ирышьашәало 2024 шықәсазы алхрақәа мҩаԥгахар, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили “Амҽышатәи Моамбе” аинтервиу аҿы. „Европатәи аҿиара акәым, атәыла аҿиарагьы еснагь алхрақәа ирыдҳәалоуп. Алхрақәа аполитикатә приоритетқәа аныӡбахо амши аамҭеи роуп, ари аҽны адемократиеи арадикализми аекстремизми алызхо ӡбахоит”, – иҳәеит Папуашвили. Апарламент ахатәаҩы иажәақәа рыла, европатәи аколлегацәарзы изҵаара хаданы иқәгылоит алхратә ҭагылазаашьа хықәкылатәи адискуссиа шьаҭас измоу 2024 шықәсазтәи алхрақәа рзы аоппозициаа разыҟаҵароуп. „Ауаҩы апарламент аусзура дацклаԥшыр, хықәкылатәи аиҿцәажәаранӡа ҳанаауа, аоппозициа азал аҟынтә ибналоит, адискуссиаҿ иԥсыҽуп. Аминистр исааҭқәа шәрыхәаԥшыр, урҭ азҵаарақәа рықәыргылареи акамерақәа рҿаԥхьа аҽырбареии рыда акгьыҟарҵом”, – иҳәеит иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы. АПОЛИТИКА Алхрақәа Шьалуа Папуашвили 5 Еиҧшу Шьалуа Папуашвили - Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рдонорцәа ирароуп, атәылантә ҳдәылцреи, атәыла рхала анапхгараҭареи аума ирҭаху, аӡбарҭа аилазаашьа ашьақәырӷәӷәара атәым тәылақәа ирусым Шьалуа Папуашвили - Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи разықәԥараҿ украинатәи жәлар рфырхаҵара иҿырԥшыгоуп, ари еиҟарам аибашьраҿ Қырҭтәыла Украина адгылоит Шьалуа Папуашвили - Адонорцәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит, апартиақәа рфинасркра иадҳәалоу NGO ԥаршеиқәа раԥыхра иазкны, ақырҭуа партиақәа атәымтә ԥара анроуа, ари Қырҭтәыла асуверенитет еиланагоит Шьалуа Папуашвили - Аиункерцәа рҭоурых еснагь иҳгәаланаршәоит ақырҭуа милаҭ ампыҵахалара ахаан шақәшаҳаҭуам Шьалуа Папуашвили - Ҳԥыза-министр иеиԥш, актәи авизила Бриуссель саҭааит, Саакашвили раԥхьаӡатәи ивизитла Москва ддәықәлеит Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла евроатлантикатә қәыԥшылараҿ аинтеграциазы алшо зегь ҟанаҵоит - абри ауп Бриуссель ашҟа ҳашьҭымҭа хада Шьалуа Папуашвили NDI алхратә жәларбжьаратә анаԥшратә миссиа ахаҭарнакцәа дырԥылеит Шьалуа Папуашвили - "Ақырҭуа гәахәтәы" алхрақәа рҿы аиааира шаго аӡәгьы агәыҩбара имам Шьалуа Папуашвили - Алхрақәа рҟынӡа алхрақәа рыцклаԥшра ма активрақәа рфинанскреи ирыдҳәалоу иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа русзура аргаматәра иазку ақәшаҳаҭра абжьаҵара ҳалшоит Амш зеиҧшрахо 4° аҩ Қaрҭ Ах 8° аҧшь 10° Авалиута акурс $ USD 2.6525 0.001 € EUR 2.8769 0.007 ₽ RUB 0.02873 0.077 £ GBP 3.3631 0.004 TOP 5 Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит Илиа Дарчиашвили – Агәра ганы ҳаҟоуп жәларбжьаратәи ауаажәларра рпозициа ҕәҕәа ахадаратә ҵакы шамоу Урыстәыла ахатә ҧхықәрақәа нагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагарц азыҳәан Атапанчала ахысразы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионс иҟалеит – #1TVSPORT Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит Қырҭтәыла VS Сербиа Актәи аканал аҿы - итәу "Қарҭтәи аренаҿ" арекордсен Гьаргь Цинцаӡе амҵәышәмпыд аҟынтә днаскьаргоит #1TVSPORT
https://1tv.ge/lang/ab/news/sh%D1%8Calwa-papwashvili-zhlar-rinteresqa-irmlowp-2024-shmqsazm-aradikalt-amsh-awsxa%D4%A5sht-ash%D1%8Caqmrgmlara-zin-adzg/
2024-02-27T07:56:34Z
<urn:uuid:b89aab85-c0cb-41dd-8e87-268b28385b54>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.6
0.95
52
6,647
tlsh:T18FDD9CD16944CE4BC573C5458BA18D356DD16807832272B0CEC5F8702A1509DEFFCC13A9F9E9094E709B1421D115BF211A4AFCEB65BEBFEB618640E52E2E34EA23B877DA9D
1993 шықәса, цәыббра 16 рзы иалагеит Аҟәа ахақәиҭтәразы ихадараз ажәылара. Уи мҩаԥысуан абарҭ ахырхарҭақәа рҟынтә: Ачадарантәи, Аҩадахьала, нас Алашарбага аҳаблаҟынтә. Цәыббра 27 рзы аԥсуа ар Аҟәа агәы иалалеит, асааҭ 15:30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ Аиҳабыра рыҩны ахыбра иахашәыршәыруан, аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын. Цәыббра 16, асааҭ 13:00 рзы аԥсуа еибашьцәа ҵаҟатәи Гәымсҭатәи ацҳала аӡиас ирит, иара уи аамҭазы ашьхала Аҟәа алаларазы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан. Цәыббра 17 рзы аԥсуа ар ақалақь агәахьы узгоз, астратегиатә ҵакы змаз амҩақәа рахь икылсит, иагьыркит. Ашьхала ақалақь иалалоз архәҭақәа ржәылара еиҳа-еиҳа идырҿион, урҭ рыхәҭак актәи афланг иатәыз аибашьцәа ирыцлеит. Аԥсуаа рнапаҿы иааргеит аҳаракырақәа – Шрома, Каман, Цугуровка, Ахалшени уҳәа егьырҭгьы. Цәыббра 19 рзы Ачадара иҟаз, аӷа дахьтәаз уаанӡатәи аҩнуҵҟатәи архәҭақәа рполк аштаб ахыбра ааныркылеит. Освобождение Сухума © Foto / Марина Барцыц © Foto / Марина Барцыц © Foto / Марина Барцыц © Foto / Марина Барцыц 1. Освобождение Сухума © Foto / Марина Барцыц 2. © Foto / Марина Барцыц 3. © Foto / Марина Барцыц 4. © Foto / Марина Барцыц Цәыббра 20-21 рзы Аԥсуа ар аганқәа зегь рыла Аҟәа иакәшеит, амацәаз иҭаркит. Ажәылара қәҿиарала ицон. Мрагыларатәи афронт аибашьцәа Кәыдры аӡиас аҟынӡа иааит, аӷа иҽызлаирӷәӷәашаз амчқәа злааиуаз аҳаирбаӷәазагьы иалахысуан. Цәыббра 22 рзы ақырҭқәа мшынла ацхыраара роурц рҽазыршәеит, аха аԥсуаа уи аҩыза алшара рырымҭеит. Абасала аӷа бџьарлоума, уаалоума имчқәа еизирҳартә дзыҟамлеит. Цәыббра 24 рзы аԥсуа аруаа ақалақь аҿы аплацдарм ҿыцқәа ааныркылеит, аӷа дхьаҵуан, ацәыӡ дуқәа иманы, амҩан анхарҭақәа зегьы еилаԥыххаауа. Цәыббра 25 рзы Аԥсны абираҟ аихамҩатә вокзал ахыбра иахашәыршәыруан, ахы иақәиҭтәын Аҟәатәи ашьхагьы (Самаҭаа рхәы). © Foto / Марина Барцыц Цәыббра 27 рзы аԥсуа ар Аҟәа агәы иалалеит © Foto / Марина Барцыц © Foto / Марина Барцыц 1. © Foto / Марина Барцыц 2. Цәыббра 27 рзы аԥсуа ар Аҟәа агәы иалалеит © Foto / Марина Барцыц 3. © Foto / Марина Барцыц Цәыббра 27 рзы аԥсуа ар Аҟәа агәы иалалеит. Цәыббрамзатәи аоперациа амотохысратә бригадақәа ҩба, актәи агәыԥ ишиашоу Гәымсҭа аӡиас ала иааиуан, аплацдарм нкыланы. Ажәылара иалахәын иара убас хә-баталионк злахәыз аҩбатәи абригада архәҭа, баталионцыԥхьаӡа 300-ҩык алан, насгьы Гагратәи агарнизон аҟынтә ҩ-баталионк. Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра иалахәын арезервтә полкгьы, абасала гәымсҭатәи ахырхарҭала иааидкыланы ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа аибашьцәа рҽеизыргеит. АҞӘА АХАҚӘИҬТӘРАТӘ ОПЕРАЦИА НАПХГАРА АИҬОН АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТР, АИНРАЛ-МАИОР СУЛТАН СОСНАЛИЕВ. АҞӘА АХАҚӘИҬТӘРАТӘ ОПЕРАЦИА НАПХГАРА АИҬОН АԤСНЫ АРБЏЬАРМЧҚӘА РЫШТАБ ХАДА АИҲАБЫ, АИНРАЛ-МАИОР СЕРГЕИ ДБАР. Асааҭ 15:30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ Аиҳабыра рыҩны ахыбра иахашәыршәыруан, аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын.
https://sputnik-abkhazia.info/20230927/aiaairazy-azhylara-aa-akhaitra-amsh-1048005842.html
2024-02-26T05:10:39Z
<urn:uuid:ab96c2e7-cc59-491e-9f8f-239cbc159bcd>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.8
0.62
0.97
21
4,930
tlsh:T1641CF6A19B40C79FC6B3C19D9B910A30ADD12E0A4552B361CD98F4B1124551CEFBCC12A9AAEC0A8FB4DB2521D2127F505B59ECF124BCBBD3319300926D6F39EE3B943AC5EE
Европатәи апарламент алырхоит 5 шықәса знык, Евроеидгыла иалахәу атәылақәа рыуаажәлар ринтиресқәа рымҩаҧгаразы. Евроапарламент азы ихадоу усуп, Европатәи азакуанқәа рыдкылара, Евроакомиссиа ирыдыргало ажәалагала иашьагыҭны. Евроапарламент иаду аҭакҧхықәра Евроеидгылатә ахеилаки ирзеиҧшуп. Апарламенти, Евроеидгылатә иара убас ирымоуп еиҟроу азинмч Евроеидгылатә ашықәстә абиуџьет ашьақәырҕәҕәаразы. Апарламент ихадоу аилатәарақәа мҩаҧысуеит Стразбург (Франциа), аха егьырҭ аилатәарақәа мҩаҧысуеит Бриуссель (Бельгиа). Европатәи ахеилак Аидгыла шьақәгылоуп, уи иалахәу атәылақәа реиҳабыреи, аҳәынҭқара анапхгареи, уи ахадеи, Евроеидгыла акомиссиа ахадеи рыла. Аидгыла аусураҿы иалахәуп Евроеидгыла адәныҟытәи аусқәеи, ашәарҭадареи рполитика иреиҳаӡоу ахаҭарнак. Евроеидгыла иҳәаақәнаҵоит Еврохеилак азеиҧш политикеи, априоритетқәеи. Уи иамаӡам азакуантә афункциақәа. Европатәи ахеилак еизоит ессы фымз ҩынтә, ахада иааҧхьарала. Аҭагылазаашьа иаҭаххар, ахада ҷыда аилатәара мҩаҧигоит. Ахада изинныҟәгара аҽҳәара ҩышықәабжа иаҟроуп, зныктәи иалхра азинла. Европатәи ахеилак Бриуссель еизоит. Евроеидгыла ахеилак Евроеидгыла ахеилак Евроеидгыла аӡбарақәа здызкыло ихадоу органуп. Уи аҭакҧхықәра адуп Европатәи апарламент аҟны Евроеидгыла азакунқәа рыдкыларазы. Евроеидгыла ахеилак шьақәгылоуп, Евроеидгыла атәылақәа зегьы рмилаҭтә аиҳабыра аминистрцәа рыла. Аидгыла аиҧыларақәа рымҩаҧысра иалахәуп Евроеидгыла иалахәу аҳәынҭқарра аҟнытә еилдырго азҵааразы аҭакҧхықәра зқәу аминистр. Еиуеиҧшым иалахәу аҳәынҭқарра фымз аидгыла ахадара аҭыҧ ааннакылоит, ахантәаҩра ныҟәнагоит аиҧыларақәа рҿы, ишьақәныргылоит азеиҧш аполитикатә амш аусхәаҧштә. Зҽызҧсахуа анапхгара адәныҟатәи аусқәа ахеилак иркьысуам, уи Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәеи, ашәарҭадареи аполитика иреиҳаӡоу ахаҭарнакра иахантәаҩуп. Еврокомиссиа Еврокомиссиа Евроеидгыла анагӡаратә органуп, Евроеидгылатә азеиҧш аинтиресқәа иахаҭарнакуп. Уи иармазеиуеит аҿыц азакунтә проектқәа, нас иқәнаргылоит Европатәи апарламенти, аидгылеи раҧхьа. Уи аҧсҭазаараҿы имҩаҧнагоит Евроеидгыла азеиҧш политика, иныҟәнагоит Евроеидгыла афондқәеи, апрограммақәеи. Акомиссиа иара убас инанагӡоит “аиқәшаҳаҭра ахьчара” ароль, уи иахылаҧшоит Евроеидгыла аиқәшаҳаҭрақәеи, азакуани шынанагӡо. Уи иалшоит азакуан еилазго рзы аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара, ихымҧадахар Европатә аӡбырҭахь ахы архоит. Акомиссиа 28 ҩык акомиссарцәа рыла ишьақәгылоиуп, урҭ зегьы Евроеидгыла иалахәу атәылацҧхьаӡа ахаҭарнакцәа роуп. Акомиссиа ахада далхуп Евроеидгыла 28 иалахәу атәылақәа реиҳабырала, дшьақәырҕәҕәоуп Европатә апарламент ала. Егьырҭ акомиссиақәа шьақәыргылоуп рхатәы амилаҭтә аиҳабырақәа рыла, аҿыц ахада иҟны аицәажәарақәа рымҩаҧгара аамышьҭахь, урҭ Европатәи апарламент ишьақәнырҕәҕәоит. Урҭ рхатәы тәылақәа реиҳабыра ахаҭарнакцәа ракуӡам. Уи ацынхәрас, урҭ зегьы аҭакҧхықәра рыдуп Евроеидгылатә аполитика иҷыдоу аусхкқәа рзы. Урҭ зегьы русура аҽҳәара хышықәса амоуп.
https://eumm.eu/ab/eu_in_georgia/how_does_the_eu_work/?print=yes
2024-02-23T13:36:58Z
<urn:uuid:ee8869b5-b052-4262-a1f0-abac86666fab>
[]
[]
abk-Cyrl
0.99
1
1
6
5,407
tlsh:T130793BB17A81EF4BD1B3C1068B518D392DE07A47D2132270CDDAB071465A15CEBFCC2395F9E80646705B190AF222BE59650AFCE62C7EFBD7715250A85D3F34EA32A836DBAC
Sputnik амчыбжь: Аԥсны ахадеи адепутатцәеи реиԥылара, АдәА рминистр Шьамтәыла иҟазаара - 18.12.2023, Sputnik Аҧсны Аҧсны аԤс Sputnik АбхазиярусSputnik АҧсныаԤс Аԥсны Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны https://sputnik-abkhazia.info/20231218/sputnik-amchybzh-asny-akhadei-adeputattsei-reiylara-ada-rministr-shamtyla-iazaara-1049485027.html Sputnik амчыбжь: Аԥсны ахадеи адепутатцәеи реиԥылара, АдәА рминистр Шьамтәыла иҟазаара Sputnik амчыбжь: Аԥсны ахадеи адепутатцәеи реиԥылара, АдәА рминистр Шьамтәыла иҟазаара Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит Аԥсны ԥхынҷкәын 11-17 рзы имҩаԥысыз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа. 18.12.2023, Sputnik Аҧсны 2023-12-18T09:00+0300 2023-12-18T09:00+0300 2023-12-18T09:00+0300 аԥсны аԥсны аекономика ажәабжьқәа аполитика шьамтәыла аслан бжьаниа аԥсны адәар https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/0b/1049411282_0:122:1600:1022_1920x0_80_0_0_351f49e2318595bd51a47c9e4b351640.jpg Иҳаҩсыз амчыбжь азы 31 шықәса ҵит Лаҭатәи арыцҳара ҟалеижьҭеи, уи иалаӡыз рбаҟа аҿаԥхьа Гәдоуҭа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵан. Амчыбжь алагамҭазы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Жәлар Реизара адепутатцәа дырԥылеит, дара асоциал-економикатә зҵаарақәа ирылацәажәеит. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аусутә еилацәажәарақәа рзы Шьамтәылаҟа дцеит.Sputnik Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәаларшәараԤхынҷкәын 14 рзы 31 шықәса ҵит Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа ахҵәацәа згоз авертолиотқәа руак ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ракетала иеихсны икарыжьижьҭеи. Аԥсны анапхгара, иҭахаз ргәакьацәа, аибашьра аветеранцәа, ареспублика ауаажәларра Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз рбаҟаҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Гәдоуҭа.Уи аҽны, Гәдоуҭа иҟоу Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи ахь иааган иблыз авертолиот аҟәырҷахақәа. Ари аус анагӡаразы Атәыла ахада иахь азыҳәа ҟалҵахьан амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа. Авертолиот иҭатәаз 87-ҩык апассаџьырцәа зегьы ҭаблит. Урҭ рыбжьара иҟан 35-ҩык ахәыҷқәеи ааҩык зцәазтәымыз аҳәсеи. Авертолиот иҭан Владимир Анцупови Аслан Занҭариеи назлаз жәаҩаҩык аибашьцәа – еицырдыруаз аԥсуа командирцәа, Аԥсны Афырхацәа.Апарламент аҟны аиԥылараԤхынҷкәын 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәеи реиԥылараҟны ирылацәажәан аҩнуҵҟатәии адәныҟатәии аполитика иазку иактуалтәу азҵаарақәа. Адепутатцәа рҿаԥхьа иқәгылоз атәыла ахада иҳәеит, аҳәынҭқарра ашәарҭадаразы иҳамазароуп ракеталеи дронлеи еиқәшәоу, Аҳаирхьчара асистема, ҳаамҭа иақәшәо еилаҳәоу, еибыҭоу, иазыҟаҵоу асолдаҭцәа рыла ишьақәгылоу ҳаамҭазтәи ар ҳәа.Аҩнуҵҟатәи ауадаҩрақәа дрылацәажәо, Бжьаниа иҳәеит, ҳауаажәлар хыԥхьаӡара рацәала ауадаҩрақәа ирыниоит, убри иахҟьаны дара ацхырааразы еиуеиԥшым амчратә усбарҭақәа ирыдҵаалоит ҳәа. Аԥсны ахашәала азаарышьҭыр рылшоит атранзит, алогистика, атуризм. Ахада игәаанагарала, иҟоу аҭагылазаашьақәа ирҿырԥшны ахымҩаԥгара аҭахуп.Ахада аекономикатә ҭагылазаашьа далацәажәо, иҳәеит аусура зылшо 145 нызқьҩык атәылауаа шыҟоу, аха астатистика инақәыршәаны 75 нызқьҩык аус шырымуа. Ареспубликаҿы аусутә ҭыԥқәа аԥҵатәуп, уи азы 300 миллиард мааҭ аинвестициақәа адԥхьалатәуп.Аԥсны аҵара министрра шәышықәса ахыҵраԤхынҷкәын 12 рзы Аԥсны аҵара министрра шәышықәса ахыҵра азгәарҭеит. Аԥсны Жәлар рҵарадырратә комиссариат аԥҵан 1921 шықәсазы, Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь. Напхгаҩыс даман ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩ Самсон Ҷанба.Адныҳәаларақәа рышьҭахь "Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа ахьӡқәа ранаршьеит 45-ҩык арҵаҩцәа.Ашықәсҿыцазтәи ашанаԤхынҷкәын 13 рзы ихацыркын агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи" "Кьарази" ракциа "Ашанаҵла". Уи еиднакылоит афондқәа хылаԥшра зырҭо 45-ҩык ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа зну ашәҟәқәа.Ахәыҷқәа ргәаҳәарақәа зну ашәҟәқәа аԥҟасахьақәа рыҭаны акультура-усутә ҭыԥ Гәыма игылоу аԥсаӡ аҿы ихыршьит.70 шәҟәы афонд "Ашана" зхылаԥшуа ахәыҷқәа иртәуп, уи анбан "А" ала иалкаан, "Кьараз" зхылаԥшуа ахәыҷқәа рышәҟәқәа анбан "Кь" ала иарбан. Изҭаху зегьы ашәҟәқәа ргар рылшоит ԥхынҷкәын 13 инаркны 18 рҟынӡа асааҭ 11:00 - 17:00 рзы "Гәыма" аплатформа аҟны. Аҳамҭа афондқәа рофисқәа рахь инагатәуп.Аибашьраан амацәаз иҭакыз ақалақь Тҟәарчал иазку ашәҟәыԤхынҷкәын 15 рзы Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны иӡырган амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь иазку ашәҟәы “Ткварчельский горняк”. Ашәҟәы иагәылалеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраангьы аҭыҵра иаҟәымҵыз агазеҭ "Ткварчельский горняк" аҭыжьымҭақәа.Аибашьра ашьҭахь лара илҵәахит аибашьраантәи агазеҭ аҭыжьымҭақәа реидӡахыла. Аамҭақәак рышьҭахь аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба агәҭакы иоуит урҭ рышьаҭала амацәаз иҭакыз ақалақь аҭоурых зҳәо ашәҟәы аҭыжьра.Ахҭа иҭаршәуаАҳәынҭшәарҭадара аусзуҩ имш аламҭалазы Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан ахысразы аицлара мҩаԥган.Атурнир аклассикатә ҟазшьа амамкәа еилаԥсаны имҩаԥган - ахысшьа шырдыруа еиԥш махәҿалатәи разыҟаҵашьагьы азгәарҭон. Ҩ-категориак рыла имҩаԥган, актәи аҟны еицлабуан амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа, аҩбатәи - атәылауаҩратә хеилакқәа рхаҭарнакцәа.Амчратә усбарҭақәа рыбжьара актәи аҭыԥ ргеит АШәМ актәи Ацентр ҷыда (Центр спецназначения СГБ), аҩбатәи-АШәМ аҩбатәи Ацентр ҷыда, ахԥатәи - Аԥсны АҩАР иатәу Иаарласны анырра ҟазҵо агәыԥ ҷыда (СОБР).Атәылауаҩратә хеилакқәа рҟынтәи актәи аҭыԥ еиҩыршеит Аԥсны Аҵәахырҭеи Аминистрцәа реилазаареи, аҩбатәи- Аԥсны амшынӷбарныҟәара, ахԥатәи- гәылрыԥшьтәи "Абраскьыл".Инал Арӡынба Шьамтәыла иҟазаараИҳаҩсыз амчыбжь азы аусутә еилацәажәарақәа рзы Шьамтәыла дцеит Аԥсны АДәА рминистр Инал Арӡынба. Ԥхынҷкәын 12 рзы иара диԥылеит Шьамтәылатәи АДәА рминистр Феисал Микдад. Еиҳа излацәажәоз атемақәа иреиуан Мрагылара Ааигәа иҟоу аҭагылазаашьа.Иара убас Арӡынба Дамаск диԥылеит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Александр Ефимов. Адипломатцәа Мрагылара иҟоу аҭагылазаашьеи, Шьамтәылатәи арра-политикатә ҭагылазаашьеи, палестино--израильтәи аимак иахҟьаны иҟалар зылшо ахҭысқәа ирылацәажәеит.Ԥхынҷкәын 13 рзы Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада диԥылеит Шьамтәыла аԥыза-министр Хусеина Арнуси. Аганқәа русеицура иалацәажәеит. Иазгәаҭоуп, Арӡынбеи Арнауси хықәкыла аҿартә политикеи аспорти рызҵаарақәа ирзааҭгылеит ҳәа.Уи аҽны Дамаск еиԥылеит Башар Асади Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи. Шьамтәыла ахада Башар Асад аҳәамҭа ҟаиҵеит арабтә тәылақәа Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵарц илшо зегьы шыҟаиҵо.Уи адагьы, Асад иазгәеиҭеит Аԥсни Шьамтәылеи аҵарадырреи, астудентцәа рԥышәеимдареи, аҭҵарадырреи, акультуреи, аспорти рхырхарҭақәа рыла русеицура аҵак ду шамоу.Асад иҳәеит Аԥсни Шьамтәылеи рекономика ашьҭыхраҿы аҳәаанырцәтәи аивестициақәа адԥхьалара шхымԥадоу. Инал Арӡынба иганахьала иҳәеит, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҽазҵәылхны дшашьҭоу ҳреспубликаҟны аинвесторцәа рзы аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзаԥҵара. https://sputnik-abkhazia.info/20231214/laa-aa-iairkhaz-avertoliot-aykhaa-gdouaa-inargeit-1049455001.html https://sputnik-abkhazia.info/20231212/atyla-anuei-anyi-aslan-bzhania-aparlamentaritsa-dyryleit-1049412753.html шьамтәыла Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 2023 Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Ажәабжьқәа ab_AB Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 1920 1080 true 1920 1440 true https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/0b/1049411282_90:0:1514:1068_1920x0_80_0_0_37c7c476b2bab1010d7ba0dc8895fc61.jpg 1920 1920 true Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Sputnik Аҧсны аԥсны, аекономика, ажәабжьқәа, аполитика, шьамтәыла, аслан бжьаниа, аԥсны адәар аԥсны, аекономика, ажәабжьқәа, аполитика, шьамтәыла, аслан бжьаниа, аԥсны адәар Sputnik амчыбжь: Аԥсны ахадеи адепутатцәеи реиԥылара, АдәА рминистр Шьамтәыла иҟазаара 09:00 18.12.2023 © Foto / сайт президента Республики АбхазияАктуальные вопросы внутренней и внешней политики обсудили в понедельник на встрече Президент Аслан Бжания и депутаты Народного собрания © Foto / сайт президента Республики Абхазия Анапаҵаҩра Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит Аԥсны ԥхынҷкәын 11-17 рзы имҩаԥысыз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа. Иҳаҩсыз амчыбжь азы 31 шықәса ҵит Лаҭатәи арыцҳара ҟалеижьҭеи, уи иалаӡыз рбаҟа аҿаԥхьа Гәдоуҭа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵан. Амчыбжь алагамҭазы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Жәлар Реизара адепутатцәа дырԥылеит, дара асоциал-економикатә зҵаарақәа ирылацәажәеит. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аусутә еилацәажәарақәа рзы Шьамтәылаҟа дцеит. Sputnik Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәаларшәара Ԥхынҷкәын 14 рзы 31 шықәса ҵит Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа ахҵәацәа згоз авертолиотқәа руак ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ракетала иеихсны икарыжьижьҭеи. Аԥсны анапхгара, иҭахаз ргәакьацәа, аибашьра аветеранцәа, ареспублика ауаажәларра Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз рбаҟаҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Гәдоуҭа. Аԥсны Аӷа ииблыз аԥааимбарцәа: Лаҭатәи арыцҳара 14 Ԥхынҷкәын 2023, 11:00 Уи аҽны, Гәдоуҭа иҟоу Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи ахь иааган иблыз авертолиот аҟәырҷахақәа. Ари аус анагӡаразы Атәыла ахада иахь азыҳәа ҟалҵахьан амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа. "Аԥсны ахада инапынҵала, Аԥсны АҶА рынагӡарала гәдоуҭаҟа иааган иблыз авертолиот ахәҭақәа", - лҳәеит лара. Авертолиот иҭатәаз 87-ҩык апассаџьырцәа зегьы ҭаблит. Урҭ рыбжьара иҟан 35-ҩык ахәыҷқәеи ааҩык зцәазтәымыз аҳәсеи. Авертолиот иҭан Владимир Анцупови Аслан Занҭариеи назлаз жәаҩаҩык аибашьцәа – еицырдыруаз аԥсуа командирцәа, Аԥсны Афырхацәа. Аԥсны Лаҭа аӷа иҭаирхаз авертолиот аԥҽыхақәа Гәдоуҭаҟа инаргеит 14 Ԥхынҷкәын 2023, 20:50 Апарламент аҟны аиԥылара Ԥхынҷкәын 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәеи реиԥылараҟны ирылацәажәан аҩнуҵҟатәии адәныҟатәии аполитика иазку иактуалтәу азҵаарақәа. Адепутатцәа рҿаԥхьа иқәгылоз атәыла ахада иҳәеит, аҳәынҭқарра ашәарҭадаразы иҳамазароуп ракеталеи дронлеи еиқәшәоу, Аҳаирхьчара асистема, ҳаамҭа иақәшәо еилаҳәоу, еибыҭоу, иазыҟаҵоу асолдаҭцәа рыла ишьақәгылоу ҳаамҭазтәи ар ҳәа. Аҩнуҵҟатәи ауадаҩрақәа дрылацәажәо, Бжьаниа иҳәеит, ҳауаажәлар хыԥхьаӡара рацәала ауадаҩрақәа ирыниоит, убри иахҟьаны дара ацхырааразы еиуеиԥшым амчратә усбарҭақәа ирыдҵаалоит ҳәа. Аҵыхәтәантәи хышықәса рыҩнуҵҟала ахада ишҟа хықәкылатәи ацхырааразы идҵаалахьеит 8700–ҩык инареиҳаны атәылауаа, урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп аԥсабаратә рыцҳара ирнаҭаз аԥхасҭа инадҳәаланы ацхыраара, урҭ рыхшара рҵара ахәԥса ахшәааразы, ӷәӷәала ичмазаҩу рыхәышәтәразы. Ахада Ицхыраагӡатә фонди абиуџьети рыҟнытә атәылауаа рыцхыраара иазоужьуп миллиард мааҭк инеиҳаны. Аԥсны ахашәала азаарышьҭыр рылшоит атранзит, алогистика, атуризм. Ахада игәаанагарала, иҟоу аҭагылазаашьақәа ирҿырԥшны ахымҩаԥгара аҭахуп. Ахада аекономикатә ҭагылазаашьа далацәажәо, иҳәеит аусура зылшо 145 нызқьҩык атәылауаа шыҟоу, аха астатистика инақәыршәаны 75 нызқьҩык аус шырымуа. Ареспубликаҿы аусутә ҭыԥқәа аԥҵатәуп, уи азы 300 миллиард мааҭ аинвестициақәа адԥхьалатәуп. Аԥсны Атәыла аҩнуҵҟеи анҭыҵи: Аслан Бжьаниа апарламентарицәа дырԥылеит 12 Ԥхынҷкәын 2023, 09:00 Аԥсны аҵара министрра шәышықәса ахыҵра Ԥхынҷкәын 12 рзы Аԥсны аҵара министрра шәышықәса ахыҵра азгәарҭеит. Аԥсны Жәлар рҵарадырратә комиссариат аԥҵан 1921 шықәсазы, Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь. Напхгаҩыс даман ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩ Самсон Ҷанба. Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак аиҳабы Владислав Арӡынба иусԥҟала ԥхынҷкәын 12 1993 шықәсазы Аԥсны АССР аҵара аминистрра аԥыхны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵара аминистрра аԥҵан. Адныҳәаларақәа рышьҭахь "Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа ахьӡқәа ранаршьеит 45-ҩык арҵаҩцәа. Ашықәсҿыцазтәи ашана Ԥхынҷкәын 13 рзы ихацыркын агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи" "Кьарази" ракциа "Ашанаҵла". Уи еиднакылоит афондқәа хылаԥшра зырҭо 45-ҩык ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа зну ашәҟәқәа. Ахәыҷқәа ргәаҳәарақәа зну ашәҟәқәа аԥҟасахьақәа рыҭаны акультура-усутә ҭыԥ Гәыма игылоу аԥсаӡ аҿы ихыршьит. 70 шәҟәы афонд "Ашана" зхылаԥшуа ахәыҷқәа иртәуп, уи анбан "А" ала иалкаан, "Кьараз" зхылаԥшуа ахәыҷқәа рышәҟәқәа анбан "Кь" ала иарбан. Изҭаху зегьы ашәҟәқәа ргар рылшоит ԥхынҷкәын 13 инаркны 18 рҟынӡа асааҭ 11:00 - 17:00 рзы "Гәыма" аплатформа аҟны. Аҳамҭа афондқәа рофисқәа рахь инагатәуп. Аибашьраан амацәаз иҭакыз ақалақь Тҟәарчал иазку ашәҟәы Ԥхынҷкәын 15 рзы Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны иӡырган амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь иазку ашәҟәы “Ткварчельский горняк”. Ашәҟәы иагәылалеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраангьы аҭыҵра иаҟәымҵыз агазеҭ "Ткварчельский горняк" аҭыжьымҭақәа. Аизга аиқәыршәаҩцәа иреиуоу Мадона Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла, агазеҭ ҭыҵуан ақалақь аншьаҭаркыз 1942 шықәса инаркны, 1992 шықәса цәыббрамзазы уи 50 шықәса ахыҵра азгәарҭарц ргәы иҭан. Аибашьра ашьҭахь лара илҵәахит аибашьраантәи агазеҭ аҭыжьымҭақәа реидӡахыла. Аамҭақәак рышьҭахь аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба агәҭакы иоуит урҭ рышьаҭала амацәаз иҭакыз ақалақь аҭоурых зҳәо ашәҟәы аҭыжьра. Ахҭа иҭаршәуа Аҳәынҭшәарҭадара аусзуҩ имш аламҭалазы Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан ахысразы аицлара мҩаԥган. Атурнир аклассикатә ҟазшьа амамкәа еилаԥсаны имҩаԥган - ахысшьа шырдыруа еиԥш махәҿалатәи разыҟаҵашьагьы азгәарҭон. Ҩ-категориак рыла имҩаԥган, актәи аҟны еицлабуан амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа, аҩбатәи - атәылауаҩратә хеилакқәа рхаҭарнакцәа. Амчратә усбарҭақәа рыбжьара актәи аҭыԥ ргеит АШәМ актәи Ацентр ҷыда (Центр спецназначения СГБ), аҩбатәи-АШәМ аҩбатәи Ацентр ҷыда, ахԥатәи - Аԥсны АҩАР иатәу Иаарласны анырра ҟазҵо агәыԥ ҷыда (СОБР). Атәылауаҩратә хеилакқәа рҟынтәи актәи аҭыԥ еиҩыршеит Аԥсны Аҵәахырҭеи Аминистрцәа реилазаареи, аҩбатәи- Аԥсны амшынӷбарныҟәара, ахԥатәи- гәылрыԥшьтәи "Абраскьыл". Инал Арӡынба Шьамтәыла иҟазаара Иҳаҩсыз амчыбжь азы аусутә еилацәажәарақәа рзы Шьамтәыла дцеит Аԥсны АДәА рминистр Инал Арӡынба. Ԥхынҷкәын 12 рзы иара диԥылеит Шьамтәылатәи АДәА рминистр Феисал Микдад. Еиҳа излацәажәоз атемақәа иреиуан Мрагылара Ааигәа иҟоу аҭагылазаашьа. “Ҳара ҳалацәажәеит иахьа Израиль имҩаԥнаго имҽыӷу, изиным аусқәа. Аԥсны Аҳәынҭқарра адгылоит Шьамтәыла апозициа, иақәыӡбоит Израиль имҩаԥнаго, асистематә ҟазшьа зауа иалагаз ахымҩаԥгашьа. Мраҭашәара акәзар, адиктатортә ҟазшьа аманы адунеи зегьы анапы иаҵанакырц аҭахуп. Ҳәарада, асектор Газа иҟоу арыцҳара ҳаҩымсит. Ари гуманитартә рыцҳараны иаҳшьоит. Иара убасгьы ҳгәаанагарала Мраҭашәара гегемонк аҳасабала ишыҟоу иаанхарц азы акы аԥхьа иаангыларц агәы иҭам", - иҳәеит Арӡынба. Иара убас Арӡынба Дамаск диԥылеит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Александр Ефимов. Адипломатцәа Мрагылара иҟоу аҭагылазаашьеи, Шьамтәылатәи арра-политикатә ҭагылазаашьеи, палестино--израильтәи аимак иахҟьаны иҟалар зылшо ахҭысқәа ирылацәажәеит. Ԥхынҷкәын 13 рзы Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада диԥылеит Шьамтәыла аԥыза-министр Хусеина Арнуси. Аганқәа русеицура иалацәажәеит. Иазгәаҭоуп, Арӡынбеи Арнауси хықәкыла аҿартә политикеи аспорти рызҵаарақәа ирзааҭгылеит ҳәа. Уи аҽны Дамаск еиԥылеит Башар Асади Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи. Шьамтәыла ахада Башар Асад аҳәамҭа ҟаиҵеит арабтә тәылақәа Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵарц илшо зегьы шыҟаиҵо. Уи адагьы, Асад иазгәеиҭеит Аԥсни Шьамтәылеи аҵарадырреи, астудентцәа рԥышәеимдареи, аҭҵарадырреи, акультуреи, аспорти рхырхарҭақәа рыла русеицура аҵак ду шамоу. Ҷыдала ирзааҭгылан атәылақәа зегь рҟны анырра ҟазҵо жәларбжьаратәи ахеилакқәа русушьа. Асад иҳәеит Аԥсни Шьамтәылеи рекономика ашьҭыхраҿы аҳәаанырцәтәи аивестициақәа адԥхьалара шхымԥадоу. Инал Арӡынба иганахьала иҳәеит, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҽазҵәылхны дшашьҭоу ҳреспубликаҟны аинвесторцәа рзы аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзаԥҵара.
https://sputnik-abkhazia.info/20231218/sputnik-amchybzh-asny-akhadei-adeputattsei-reiylara-ada-rministr-shamtyla-iazaara-1049485027.html
2024-02-27T05:44:50Z
<urn:uuid:4e36de93-bd92-4f1c-83e9-3a308124ca36>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.77
0.95
83
27,302
tlsh:T1868765C29A40CB4BC9B3C0499E928D31A8D198434622B760CE86F4B1174205CEBFCD13EAF9A8098E78EB1621D262BF15664EFCE925BDBFD3319200A16D3F34DD379476D5AE
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa, Урыстәылa aкоронaвирус 16 202-ҩык рыдбалан, иҧсит 346-ҩык aпaциентцәa. Аинформациа Урыстәыла анапхгара аӡбарала иаҧҵаз авебдаҟьа ҷыда ианылеит. Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ацәгьахара амзызла, “Роспотребнадзор”, жьҭаара 28 инаркны атәыла атерриториҿ ауаа реизара ҭыҧқәеи, атранспорти алифтқәеи рҿы асабрадақәа хымҧада рныҟәгара иазку аӡбара аднакылеит. Ираа убас акафеқәеи аресторанқәеи аус рулоит асааҭ 22:00-нӡа. Жьҭаара 27 рзы иҟоу адыррақәа рыла, Урыстәыла aкоронaвирус ирыдбалан 1 500 000-ҩык иреиҳаны aуaaҧсырa, миллион 171 000 -ҩык ачымазара иалҵхьеит, 26 935-ҩык иҧсит. АДУНЕИАҾЫ aкоронaвирус Урыстәылa 2 Еиҧшу Тедрос Аданом Гебреисус - Covid-19-и, агриппи егьырҭ ареспиратортә чымазарақәеи рхыԥхьаӡара иазҳауеит, асабрадақәа ныҟәыжәгала, алаҵақәеи атестқәеи иҟаҵаны ахьшәымоу гәашәҭала Иване Чхаиӡе - Акоронавирус ареспиратортә вирусқәа ркатегориахь ииасит Адукат ишааицҳаз, Михеил Саакашвили акоронавирус изышьақәдырӷәӷәеит Амедиа адыррала, Евроеидгыла ари аиҿкаара иалоу атәылақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит Китаинтә инеиуа апассаџьырцәа рҟны „ковид-19“ азы атестирра зыршҳаҭуа адокумент гәарҭаларц Агәабзиарахьчаразы адунеитә аиҿкаара Китаи ахь ааԥхьара ҟанаҵоит апандемиа иазкны иҵабыргыцәҟьоу адыррақәа аладырҵәарц Reuters – Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Иапониа акоронавирус амшала иҧсит 415ҩык, уи арекордтә арбагоуп Ԥхынҷкәын азы Китаи 250 миллион ҩык акоронавирус рыдбалан Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Китаи аҟны 40 052-ҩык акоронавирус рыдблан Китаи аковид амзызла ишьақәгылоу аԥкрақәа раԥыхразы аҿагыларатә акциақәа нагӡоит, адемонстрантцәа Си Ӡинпин инапынҵақәа рышьҭаҵара идҵаны иқәдыргылоит Китаи, Синӡиантәи апровинциаҿ, акоронавирус амзызла иҟаз алокдаун иахҟьаны, аҿагыларатә акциа мҩаԥган
https://1tv.ge/lang/ab/news/ihauismz-waxi-chvni-rmla-wrmstmla-akoronavirws-16-202-uimk-rmdbalan-iphsit-346-uimk-apatcienttca/
2024-02-29T22:48:58Z
<urn:uuid:61fa9281-b660-45de-a574-6340f96fe2d5>
[]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.93
0.98
14
3,149
tlsh:T14E66E4516A54DB0BC5B3C15589A19F352CD0284741217220CDD9B0B019150A9DFFDD22ADFDE8154BB4DB1511E1A6FF246B0EBCE6187EBEEB319204A46D3E24ED2B983EC69F
Маҳинур Папаԥҳа / Махинур Папа-пха. Ҩажәеи жәохә шықәса Беигәа Омар иаанда / Тридцать пять лет рядом с Омаром Бейгуа (Сухум, 2016; на абх. яз.) Об авторе Папа-пха Махинур Азизовна (20.IV.1950, г. Биленджик, Турец. респ.) Видная пред. абх. диаспоры в Турции, деятель культуры, чл. СП Абх. (2005). Прадед – выходец из с. Цабал. В 1973 окончила Стамбульский ун-т. Со студенческих лет неутомимо и последовательно занималась проблемами абхазоведения. Будучи в плодотворном творч. контакте с Омаром Бейгуаа, совместно с ним перевела с турец. на абх. яз. его тр.: «Абхазская мифология – древнейшая?» (Стамбул, 1971), «Аубла Ибрагим и кавказские народы» (1975). П. вносит заметный вклад в пропаганду произв. абх. учёных и писателей. Она перевела и издала на турец. яз. эпосы о Нартах и Абрскиле, абх. сказки, «Абхазскую археологию» Г. К. Шамба, «Абазги и Абазгия» А. Коллауца, «Историю Цабала» с иллюстрациями, произв. Д. И. Гулиа. Переиздала первый кавк. ж. «Диана» (1920). Перевела на турец. и издала роман В. Амаршана «Апсха Леон». Организовала инструмент. ансамбль «Уарада». П. открыла миру имя первой проф. худ. Турции Михри Ачба, издав альбом её произв. К печати подготовлен ряд её интересных работ: «История абхазских аристократических родов», «Кавказская женщина», «Инджи – Ханым – Русудан», «История Цабала» (в 2 т.), «Шумерская поэзия» и др. П. является кавалером ордена «Ахьдз-Апша» (2005). (А. Х. Агуажба / Абхазский биографический словарь. 2015.) Главная » Алфавитный каталог авторов » П » Ҩажәеи жәохә шықәса Беигәа Омар иаанда Маҳинур Папаԥҳа Ҩажәеи жәохә шықәса Беигәа Омар иаанда Агәалашәарақәеи агәаанагарақәаи Ашәҟәы аиқәыршәаҩ – Анатоли Лагәлаа Ашәҟәы аиқәыршәаҩ атекст алитературатә бызшәахьы ииаимгаӡеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рцәажәашьеи рҩышьеи аиқәырхаразы Аҟәа – 2016 231 д. Атираж 300. Ажурнал «Алашареи» ҭырқәтәыла инхоу, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу Маҳаинур Папаԥҳаи арҿиаратә еимадара бзиа рыбжьеижьҭеи даара акрааҵуеит. Уи лыԥсԥадгьыл гәакьа есымшагьы лгәы иҵхоит, иара иадҳәалоу ҭоурых хәыҷык адунеи аҵан џьара илымԥыхьашәаргьы, акы сцәамыхьындаз, имыӡындаз ҳәа лыкәа иҭаҳәҳәаны илыман Аԥсныҟа даауеит!.. Еиҭагаҩык, рҿиаҩык, ҭоурыхҭҵааҩык лаҳасабала Маҳинур Папԥҳа даара лџьабаа рацәоуп. Уи азгәаҭаны, Аԥсны анапхгара ахә ҳаракны иршьеит. Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба, ажьырныҳәа 10, 2005 шықәса рзы, иланеишьеит «Ахьӡ-аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара. Лаҵара мза 3 рзы уи лнапаҿы илиркит Аԥсны Ахада ҿыц Сергеи Багаԥшь. Иара убас илыҭан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла дшалоу ала аршаҳаҭга. «Арҭқәа зегьы иаанаго, быԥсҭазаараҿы даара аус рацәа баԥхьа ишьҭоуп ауп!» – лҳәеит Маҳинур лхазын дыччаччо. Сынтәа, апоет, аҵарауаҩ ду Омар Беигәа излаишықәсу ала, ҳара иҳаӡбеит Омар изкны Маҳаинур Папапҳа «Алашара» шықсқәак рышьҭахь ианылҵахьаз лгәалашәарақәеи, иара убасгьы ҳара даара иаҳгәаԥханы иакьыԥхьыз ашәҟыҩҩы лажәабжьки хазы шәҟәны адунеи аҳарбарц. Ҳгәы иаанагоит, уи цҳа бзиахоит ҳәа нырцә-аарцә амшын зыбжьоу ҳԥсуа жәлар иҵегь реизааигәахаразы, реиларҵәаразы… Насгьы, даара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит, ҳпоет, ҳҵарауаҩ ду ихьы мҩа аҭҵаареи, амырӡреи, аус рыдуланы, аҭыжьра иаҳзаззрыхиаз, ашьхыцқәа реиԥш, ԥсааиҭакха рымамкәа уи аус ԥшьа иаҿу ҳҵарауаа Емма Кьылԥҳаи Нурбеи Ломиеи. «АԤсуаа ҳажәаҳәа» «Аԥсуаа ҳажәаҳәа» захьӡу ҳрубрика аҟны иахьа ишәыдаагалоит, ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа, еицырдыруа аԥсуа поет, аҵарауаҩ Омар Беигәаа ицхырааҩ, Ҭырқәтәыла иреиӷьу аиҭагаҩцәа ирхыԥхьаӡалоу, аҵарауаҩ, ашәҟәыҩҩы Маҳинур Папаԥҳа 2009 шықәсазы ихлыркәшаз, «35 шықәса Беигәаа Омар иаанда (агәалашәарақәеи агәаанагарақәеи)» захьӡу лусумҭа. Аԥсышәала иҩу Беигәаа Омар инапылаҩырақәа акьыԥхь разырхиара ҳшаҿу лдыруан аҟынтә, аҵарауаҩ дуи лареи русеицура атәы зҳәо ари аусумҭа адиалектологиатә лабораториа архив иазынлыжьит. Иаҳхысыз 2011 шықәсазы, Беигәаа Омар диижьҭеи 110 шықәсаҵра иазкыз Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә сессиа апрограмма иалан Маҳинур Папаԥҳа лусумҭа аматериалқәа рыла ишьақәыргылаз лажәахәгьы. Аԥхьаҩцәа уажә уи ахьшәыдаагало, иахьынӡазалшоз иазынҳажьит автор лҩыражәаҳәа аҷыдарақәа. Маҳинур Папаԥҳа дызхылҵыз Аԥсны, Ҵабал иқәҵыз зларакәу ала, урҭ ҭоурыхлатәи Ҵабалтәи аҭыԥтә ҷыдарақәа ракәны ҳрыхәаԥшуеит. Автор лыжәлагьы лара ишылыҩуа еиԥш, Папаԥҳа ҳәа иаанҳажьит. Анапылаҩыра акьыԥхь иазирхиеит адиалектологиатә лабораториа аҭҵаарадырратә усзуҩ Ламиа Нурбеи. Кьылԥҳа Емма, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адиалектологиатә лабораториа аиҳабы, афил. ҭҵ. ркан. АХҚӘА «Аԥсуаа ҳажәаҳәа»……………………………………………3 Папаҧҳа Маҳинур (Ҭуна). 35 шықәса Беигәаа Омар иаанда…………………………………………4 Мшыннырцәтәи ҳаҳәшьа лажәабжь…………………218 Махинур Папа-пха Тридцать пять лет рядом с Омаром Бейгуа Воспоминания и размышления На абхазском языке Скачать книгу "Ҩажәеи жәохә шықәса Беигәа Омар иаанда" в формате PDF (682 Кб) Некоммерческое распространение материалов приветствуется; при перепечатке и цитировании текстов указывайте, пожалуйста, источник:
http://apsnyteka.org/3010-Papa_pkha_M_35_let_ryadom_s_Omarom_Beigua_2016_abh.html
2024-02-23T23:22:48Z
<urn:uuid:63e9fd19-902e-4cf5-a2b2-bed0a426e138>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.59
0.73
0.97
22
8,886
tlsh:T1CA623602EB00DF4FC673D08ACAD189356CD1684382327626CDC5F6511606098EFFCC13DAFEE407AA64DF1210F157BA006949FEEE05BE3EDB21A600A52D3F79DA268872DA8F
Аинцидентқәа раԥырҟәҟәаарази хырыҩ рыҭарази Амеханизм алахәылацәа 48-тәи аиԥылара мҩаԥыргеит ԥхынгәы 26 рзы Гал ақалақь аҟны. Аинцидентқәа раԥырҟәҟәаарази хырыҩ рыҭарази Амеханизм амшхәаԥштә азҵаараҟны иқәыргылан аҳәынҭқарратә ҳәааҟны еиуеиԥшым ахҭысқәа рызҵаара. 26 July 2017 1204 Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аиԥылара мҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Иорданиатәи иеиҳабыратәым аиҿкаара «Кубан» аделегациеи реиԥылара. 24 July 2017 765 Ԥхынгәы 9-21 2017 шықәса рзы Москва имҩаԥысит адипломатцәа ҿарацәа Аԥшьбатәи рфорум Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ иаԥҵоу адипломатцәа ҿарацәа Реидгыла Аналитикатә клуб «Знак»А.М. Горчаков ихьӡ зху аларҵәаратә дипломатиа Афонд адгыларала еиҿнакааз адипломатцәа ҿарацәа Аԥшьбатәи рфорум ԥхынгәы 9-21 2017 шықәса рзы Москва имҩаԥысит.иара зеиԥш теманы иаман “Информационные технологии в современной дипломатии и информационная безопасность”. 21 July 2017 892 Аурыс-аԥсуа консультациақәа мҩаԥысит 2015 шықәса хәажәкыра 11 рзы Аԥсни Урыстәылеи рнапы зҵарҩыз Амеморандум аҳәаақәа ирҭагӡаны Москва имҩаԥысит аурыс-аԥсуа консультациақәа. 19 July 2017 684 Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа идикылеит Аԥсны иҟоу МККК ахаҭарнакцәа. Аиԥылараан Аԥсны иҟоу МККК уаанӡатәи анапхгаҩы Мауро Морабито аминистр ихаҭыԥуаҩ диирдырит иара абри амаҵзураҟны дзыԥсахыз Хелена Стар. 19 July 2017 735 Анотақәа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы ашьҭит Сандинисттәи Ареволиуциа 38-шықәса ахыҵра инадҳәаланы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы ашьҭит Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Сандинисттәи Ареволиуциа 38-шықәса ахыҵра инадҳәаланы 19 July 2017 1060 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа 2017 шықәса ԥхынгәы 30 инаркны нанҳәа 12 рҟынӡа имҩаԥысраны иҟоуп НАТО атәылақәеи алианс апартниорцәеи злахәу арратә зыҟаҵарақәа "Достойный партнер 2017" (Noble Partner 2017). Аусмҩаԥгатә иалахәхоит 2 800-ҩык Қырҭтәыла, США, Великобританиа, Германиа, Ҭырқәтәыла, Словениа, Украина, Ермантәыла рыруаа. 17 July 2017 747 Вадим Ҳаразиа Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакс дҟаҵоуп Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнак иаҭаразы Аусҧҟа 17 July 2017 923 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәамҭа Ааигәа ареспубликаҟны аҭыԥ змаз атрагедиатә хҭысқәа ауаажәларра-политикатәи аинформациатәи резонанс цәырыргеит. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы гәалсра дула ирыдыркылеит ҭаацәала Аԥсны зыԥсы зшьоз Урыстәыла атәылауаҩ ишьра. 14 July 2017 996 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа Ԥхынгәы 12 2017 шықәса рзы ООН иҟоу Қырҭтәыла Ахаҭарнак диԥылеит ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерриш. Аиԥылараан инаҵшьны иазгәаҭан Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ауаҩытәыҩса изинқәа ишрықәныҟәо ахылаԥшразы жәларбжьаратәи амеханизмқәа раԥҵара аҵак ду аманы ишыҟоу.
http://mfaapsny.org/allnews/news/notes/daur-kove-pozdravil-vitaliya-ignateva-s-31-oy-godovshchinoy-so-dnya-obrazovaniya-pmr?PAGEN_1=89
2024-02-25T08:23:34Z
<urn:uuid:b1dcbf94-a8a9-4bbb-a2a3-5096dc8058cf>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
1
0.98
22
5,369
tlsh:T15054F8B18B44CF8BC6B3D05959D28D3659D0940B9270B771CFC5F4A0271218DEBFCC13DBB19C188A74DB2122E6826E056B0FFEEA247E7FD6708204957D1F24EA23907A969E
Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә герб зну хыхьла-ҵаҟала еиҟароу ҩ-хәҭакны ишоуп, ахәҭақәа руак - ҧшшәыла ишкәакәоуп, егьи – иаҵәоуп. Агерб ацәаареии асиужеттә еиҿартәышьеи - хьыҧшшәалоуп. Агерб аҵаҟатәи ахәҭаҟны аа-кәакьк змоу аеҵәа ануп. Хыхьтәи ахәҭа аҟны иануп ҩ-еҵәа хьыҧшшәалак. Агерб агәҭаны – аеҵәақәа рахь ахҿа зышьҭуа аҽуаҩ, алакә ҽы – Арашь дақәтәан, дануп. Агерб асиужет Нарҭаа репос иадҳәалоуп. Агерб аҧшшәахәы иаҵәа символра азнауеит аҿареи аҧсҭазаареи, ашкәакәа – адоуҳара. Аа-кәакьҭак змоу аеҵәа ду, ари аиҭеира асолиартә дыргоуп. Аеҵәа хәыҷқәа Мраҭашәареи Мрагылареи ркультурақәа реизакзра символра рзыруеит. Абираҟ Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ ашәага-загақәа - ауреи аҭбаареи 2:1 ҳәа аизыҟазаашьа рымоуп. Аура ахы-аҵыхәа аиаҵәа ҧшшәи ашкәакәа ҧшшәи рыла зҽеиҭнызыҧсахло ацәаҳәақәа ануп, урҭ рахьынтәи ҧшьба иаҵәоуп, хҧа – шкәакәоуп. Хыхьла ацәаҳәақәа алагоит иаҵәа ҧшшәыла. Аиаҵәа-шкәакәа цәаҳәақәа, Аҧсны злахәылаз Ашьхаруатә республика (1918ш.) абираҟ аелементқәа ируакуп. Аиаҵәа ҧшшәы аҧсҭазаара иасимволуп. Ашкәакәа – атәыла ҧхьаҟатәи аҧеҧш. Хыхьтәи армарахьтәи акәакь аҟны абираҟ иануп ҧшшәахәыла иҟаҧшьу аҧшьыркца иаша, абираҟ аураҟынтәи 0,38, аҭбаараҟынтә х-цәаҳәаки иҟоу ахышәа-ҵышәала. Аҧшьыркца агәҭаны иарбоуп иаарту амаҿа шкәакәа. Анапы ахахьала иаҿыкәыршоуп – хәба-хәба кәакьҭа змоу аеҵәа шкәакәақәа быжьба. Иаарту анапи аеҵәа шкәакәақәа быжьбеи Аҧсуа ҳәынҭқарра (7-10 ашә.) абираҟ иаҿырҧшуп. Аҟаҧшь – ари арратә фырхаҵара иасимволуп, иаарту амаҿа – аҭынчреи, агәаартреи асасдкылареи ирсимволуп. Аҧшшәахәы ҟаҧшь аҟны иаарту анапы шкәакәа ари – Аҧсуа аҳра аан аиҿкаара зауз, 12 шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа, аҧсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Анапы ахахьы иану хә-кәакьҭак змоу абыжь еҵәак Аҧсны аҭоурых дгьылқәа быжьба ирдыргоуп: Саӡтәыла (Џьигетиа), Бзыҧ, Гәыма, Абжьуа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ҧсҳәы-Аибҕа. Дара ирыҵаркуан аҧсуаа ретникатә ҵакырадгьыл: аӡиас Хәасҭа (аубыхцәа рҳәаа ) инаркны аӡиас Егры (агырцәа рҳәаа) аҟынӡеи Амшын Еиқәа аҟынтәи Кавказтәи ашьхақәа рҟынӡеи. Агимн Аиааира - Аҧсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә гимн. 1992 шықәсазы, Аҧсны ахьыҧшымра аназхарҵа ашьҭахь ишьақәырҕәҕәан аҳәынҭқарратә гимн. С. Багаҧшь атәыла Ахадас даналырх ашьҭахь, жьҭаара 24 2007 шықәса рзы, ахҧатәи аҧхьарала ирыдкылан азакәанҧҵара “Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә гимн азы”. Аҧсуа гимн шьаҭас иаиуит Қырҭтәылатәи Адемократиатә республика ар Аҧсны аоккупациа аназыруз аамҭазтәи ашәа “Кьараз”.
http://mfaapsny.org/helpful-information/symbols/
2024-02-22T10:55:14Z
<urn:uuid:15c7abd0-892a-4f85-9613-31efe218c8f6>
[]
[]
abk-Cyrl
0.99
0.88
0.99
8
4,403
tlsh:T1099D7B9189408B8BD1F3D095CF515E3598D158054323B370CFC1F07912560A8FFFCD13EAA5DD0799A8AB8212D222BB14A94DEDED6ABEABD7705640656D2EAACC279036D0DF
Саида Шьамаҭааԥҳа: «Рапхьатәи амшқәа инадыркны даара ихьаасгон ацентр аҿиара сзалыршару ҳәа,аха сырҵаҩцәеи сареи уи ҳалҳаршеит ҳәа» Прочитано 1564 раз Опубликовано в Ҳабиҧара (Наше поколение) Другие материалы в этой категории: « Астанда Курт-оглы:««Аԥсуара» адаҟьа иҭазгалоу ацәаҳәақәа баша жәақәам,урҭ даара сгәы иазааигәоу жәақәоуп» Викториа Џьниаԥҳа: «Арҵаҩы ахәыҷқәа рахь абзиабареи аилкаареи анимоу иусура лҵшәадахоит,ахәыҷгьы ҩныҵҟала иныруеит» »
https://www.radio.apsny.land/ru/proekty/item/404-adyrra-ara-ara-abi-ara-dalakh-up-akh-y-t-y-atsarat-tsentr-a-yb-a-anapkhga-y-sada-shama-aa-a
2024-03-01T14:35:52Z
<urn:uuid:d0fab1a6-f150-412d-8fcc-fe684faf3889>
[]
[]
abk-Cyrl
0.87
0.67
0.97
3
837
tlsh:T1EBD0A1016B40DB479673C055C38192202CD1585792567278DFEAF460694209EEABCE13EEFFF41A94B4AB1120E25D8915A509ADFD19BD3B97606700D12D3F38CC0B90B396DE
Ари аныҳәа ҷыдала аԥхарра аҵоуп. Дыҟамзар ҟалап раԥхьатәи зырҵаҩы дызгәаламшәо, анаҩс, дасу иԥсҭазаара ашьақәгылараҿы зышьҭамҭа нзыжьыз, анырра бзиа азҭаз. Арҵаҩы изанааҭ – баша занааҭӡам. Ари миссиоуп, апрофессионализм ду еиԥш, иреиӷьу аҟазшьатә ҷыдарақәа зҭаху. Ахә ашьара уадаҩуп шәара есҽнытәи шәааԥсара, шәара еиҵашәааӡо ҳҿар ирышәҭо адыррақәа рыдагьы, урҭ рхаҭара ашьақәгылара, идунеихәаԥшра аҳәаақәҵара шәацхраауеит. Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа, иахьатәи шәымшныҳәа аҽны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәар ҳҭахуп шәџьабаазы, шәҵаҩцәа реихьӡарақәа рзы. Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, шәнапы злаку азанааҭ аҟны аихьӡара ҿыцқәа. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15029/
2024-02-24T21:51:01Z
<urn:uuid:5c998eec-e562-4ad8-a55e-603e0db62f5f>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.82
0.85
0.94
13
2,014
tlsh:T1EB8549419B4097CBC6B3D0DA9B814A3528D01842436677A0CFC9F5B15295059EBFCD03EBBBF62242B4D70961D1627B14691EEDEA647DA7C3708240E2283F7DDC33A571C15D
А́ҟәа (аур. Сухум) — Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь. Аҟәа - Аԥсны аполитикеи, ааглыхреи, акультуреи, аҵаралашареи, аҭҵаарадырреи ирцентруп (ирыгәҭылсоуп). Уи ихадоу мҩа еилысырҭоуп. Аҟәа иҟоуп Аԥсны апорт хада. Аҟәа - Аԥсны агәы, аӡиасқәа Аӡаԥшьи, Баслеи, Кьалашәыри Амшын Еиқәа иахьалало аҭыԥ аҿы иҟоуп. Аҟәа алада Амшын Еиқәа Аҟәатәи агаҿеи аҩада ашьхақәа Самаҭхәа (Аҟәатәи ашьха), Ҳаҭхәа (Трапециа) уҳәа рынаара ибжьакуп. Аҳҭнықалақь Аҟәа Аҟәа სოხუმი Атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра Акоординатқәа 43°0′12″ ҩ. ҭ., 41°0′55″ мг. н. Ақәӡара 27 км² Ацентр агдыра 20 м Аофициалтә бызшәақәа Аԥсуа бызшәа Аурыс бызшәа Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 64 441 ҩык Ауааԥсыра рыжәпара 2386,7 ҩык / км² Асааҭтә зона UTC+3:00 московское время Аԥошьҭатә анҵарба 384900 6600 Автомобильтә код ABH Аофициалтә cаит https://www.sukhumcity.ru/ Еишьцәахаз ақалақьқәа Тирасполь, Бандырма, Курск, Нижний Новгород Краснодар Commons Аҟәа Аҵакы 1 Административ-территориалтә шара 2 Адемографиа 3 Аҭоурых 4 Агеографиа 5 Акультура 6 Агәабзиареи аԥсшьареи 7 Азхьарԥшқәа 8 Азгәаҭақәа Административ-территориалтә шара Аҟәатәи араионқәа: Ԥсҳәы Иашыра (Ешыра) Гәымсҭа Иашҭхәа Баслаҭа Аԥра (Гәма хәыҷы) Гәма Ӡыгәҭа (Ӡыхәҭа) Акаԥа Кьалашәыр Адемографиа Аҟәа инхоит 62 914-ҩык (2011).[1] Ахацәа – 44,2%, аҳәса – 55,8%. Аетникатә еилазаашьа: аԥсуаа – 67,3%, аурысцәа – 14,8%, аерманцәа – 9,8%, ақырҭцәа – 2,7%, аукраинцәа – 1,1%, абырзенцәа – 1,0%, агырцәа – 0,1%, ашәанцәа – 0,1%, егьырҭ амилаҭқәа – 3,1%.[1] Аҭоурых Аҟәа - ижәытәӡатәиу Кавказтәи ақалақьқәа ируакуп. Раԥхьаӡа акәны араҟа ауаа рынхарҭақәа апалеолит аамҭақәа ирыҵаркуеит. 6-тәи ашәышықәса ҳера ҟалаанӡа иахьатәи Аҟәа аҭыԥан ишьақәыргылан абырзенцәа рколониа «Диоскуриада». Анаҩс араҟа ицәырҵит римтәи абаа «Себастополис». 8-тәи ашәышықәса инаркны Аҟәа Аԥсуа Аҳраҿы инареиҳаз нхарҭа ҭыԥны иҟан. 13-15 ашәышықәсақәа раан Аҟәа агенуезқәа рколониа акәын, «Сан-Себастиан» ахьӡын. 16-тәи ашәышықәса инаркны 19-тәи ашәышықәса алагамҭа аҟынӡа ара иҟан аҭырқәцәа рбаа «Сухум-қале». 19-тәи ашәышықәса алагамҭа инаркны, Лыхны инаваргыланы, Аҟәа аҳҭны қалақь ароль анагӡара иалагоит. 1877 шықәсазы аурыс-аҭырқәа еибашьраан Аҟәа хәаш-хәаша ирыбган. 19-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Аҟәа аиҭашьақәыргылара нап аркын. Аҟәа адгьылҵакыра зегьы даара ибеиоуп археологиатәи аҭоурыхтә-архитектуратәи баҟақәа рыла. Араҟа иҟоуп апалеолит аамҭа иаҵанакуа аанкыларҭақәа ҩба, ҳера ҟалаанӡа 3-1 азқьышықәсақәа ирыҵаркуа анхарҭа ҭыԥқәа рышьҭа-мышьҭақәа рацәаны, 2-тәи ашә. иаҵанакуа римтәи аԥшыхәырҭатә баашқәа. Баграт ишьхаҿы игылоу аҭоурыхтә-архитектуратә ҳәырԥсарра «Баграт иныхабаа» иаҵанакуеит 10-11 ашә. рзтәи ахырӷәӷәарҭа. Диоскураа рыгаҿа аҟны иҟоуп аҳәынҭқарратә архитектуратә-ҭоурыхтә музеи-ҳәырԥсарра «Аҟәатәи ахырӷәӷәаррҭа». Уи еиуеиԥшым ахәҭақәа рыргылара иаҵанакуеит 1-4, 11-13, 16-18 ашәышықәсақәа. Ақалақь мраҭашәаратәи аҿацә аҿы иҟоуп ақалақьргыларатә архитектура еиуоу, 1861 шықәсазы иргылаз Аҟәатәи алашарбага. Аҟәа аҭоурыхтә центр аҿы иҟоуп 19-тәи ашәышықәсеи -20-тәи ашәышықәса алагамҭеи ирыҵаркуа, ақалақь ауникалтә хаҿы аазырԥшуа архитектуратә баҟақәа 200. Аҟәа аус руеит аиашахаҵаратә ныхақәа ҩба. Раԥхьатәи ақалақь агәҭан иргылан 1908-1915 шш. рзы, бырзен ныхак аҳасабала. Егьи, 1821 ш. рзы иргылаз Аԥшьа Гьаргь иныха ақалақь мрагыларатәи ахәҭа, апансионат «Аиҭар» аҵакырадгьыл аҿы иҟоуп. Ақалақь агәҭаҿы иара убасгьы иҟоуп акатоликатә костел (1908), алиутерантә кирха(1915), ауриатә синагога (1918), аԥсылмантә џьаама. Агеографиа Агеографиатә ҭыԥырбагақәа - 43°00’ ҩ. ҭ. 41°00’ мг. н. Аҟәа амраҭашәарахьтәи ахәҭаҿы иҟоуп Аҟәатәи аӡҭачы. Ацәаакыра змоу асубтропикатә ҳауа, аԥхын – ашоура ӷәӷәа, аӡын – ацәаакыра зцу аҳауа ԥха. Нанҳәазтәи абжьаратә шоура - +24, жьырныҳәазы - +5,7 °C. Бжьаратәла шықәсык ахьтә 1453 мм ақәа леиуеит. Мрагыларахь ала аҳҭны қалақь ҳәаас иамоуп ақ. Маҷара (Гәылрыԥшь араион). Аҟәа аладатәи адгьылҵакыра аӡиас Кьалашәыр ала Амшын Еиқәа аҟынӡа инеиуеит. Егьырҭ аганқәа зегьы рыла ҳәаас иамоуп Аҟәатәи араион иаҵанакуа ақыҭақәа: мрагылараҿы – ақ. Гәымсҭа, аҩада-мраҭашәарахьынтә – ақ. Иашҭхәа, аҩадантә – ақ. Баслаҭа, аҩада-мрагыларахьтә – ақ. Ӡыгәҭа. Аҟәа иаҵанакуа Амшын Еиқәа агаҿатә цәаҳәа аура 12,5 км ыҟоуп. Ақалақь адгьылҵакыра – 21,0 км². Аҟәа – Аԥсны хаз игоу дгьылҵакыраны иԥхьаӡоуп. Уи Аҟәа араион иаҵанакӡом. Аԥсны иҟоу административтә-ҵакырадгьылқәа 8 рҟынтә Аҟәа уааԥсырала зегь иреиҳауп, аха ҵакырадгьылла зегьы иреиҵоуп. Аҟәа иҟоуп Аԥсны аҳәынҭқарратә напхгарақәа зегьы: Аԥсны Ахада инапхгара, Апарламент – Жәлар Реизара, аминистрцәа реилазаара, аминистррақәа, аусбарҭа хадақәа, Апрокуратура Хада, Иреиҳаӡоуи Аконституциатәи аӡбарҭақәа. Аҳҭнықалақь аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә хадарас иҟоуп ақалақь ахадара. Аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭас иҟоуп Аҟәатәи ақалақьтә Еизара. Иара убас Аҟәа иҟоуп Аҟәа араион анапхгара. Акультура Аҟәа иахьа аус руеит Аԥсны аҳәынҭқарратә университет, Аҟәатәи Иаарту аинститут, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭа, А. Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа, А. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа, аколлеџьқәа 3; Аԥсуаҭҵаарадырратә Академиа, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаарадырратә институт, Аҟәатәи афизика-техникатә институт иара убас аҭҵаарадырратә институтқәа 8. Атеатрқәа - С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр, Ф. Искандер ихьӡ зху аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр, Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр. Амузеиқәа - Аԥсуа милаҭтә ҳәынҭқарратә музеи, В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Ахьӡ-аԥша аибашьратә музеи, Д. И. Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи, Н. А. Лакоба ихьӡ зху аҭоурыхтә-мемориалтә музеи уҳәа егь. Абиблиотекақәа – И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека, Аҿар рзы Аҳәынҭқарратә библиотека. Егьи – Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа; Аԥсуа телехәаԥшра, Ахатәы телеканал «Абаза»; Азеиԥшҵарадырратә школқәа 17. Ацхырааратә школ; Латәара-латәарадатәи абжьаратә школ; К. Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху алицеи-интернат, ахатәы школ «Альфа». Ашколқәраҟынӡатәи аусбарҭақәа 12; Ахәыҷтәы рҿиаратә Ҩны, Аҟәатәи ақәыԥшцәа рырҿиаратә Ҩны уҳәа егьырҭ аҵаратә усбарҭақәа. Агәабзиареи аԥсшьареи Аҟәа – атәыла агәабзиарахьчаратә гәыс иамоуп. Ара иҟоуп Аԥсны агәабзиарахьчаратә усбарҭақәа рӷьырак: Ареспубликатә хәышәтәырҭа, Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа, Онкологиатә центр, ацәатә-венерологиатә диспансер, ашьапықәыргыларатә хәышәтәырҭатә-баҩырҵәыратә диспансер, анаркологиатә диспансер, Аҟәатәи аклиникатә хәышәтәырҭа, Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа, ақалақтәи араионтәи аполиклиникақәа уҳәа егь. Аҟәа курортә қалақьуп. Аҳҭнықалақь аҿы иҟоуп 1927 ш. азы иаартыз еицырдыруа амаамынқәа рааӡарҭа, 1838 ш. рзы иаԥҵаз Аботаникатә баҳча, иара убас 19-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы аурыс меценат, анаплакҩы Н. Н. Смецкои иааиртыз адендопарк. Аҟәа аус руеит Аԥсны иҟоу апансионатқәеи асасааирҭақәеи реиҳарак.
https://ab.m.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D2%9F%D3%99%D0%B0
2024-02-22T23:47:32Z
<urn:uuid:fb5314cb-7ab8-4163-add5-41f1519768a5>
[ "header", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.89
0.89
0.98
44
12,099
tlsh:T18BFF20429840C78FC673C088CA914D34ADC06D0743267231CED6F5755A5204DEFBCC03E9B9A9168A78AB1126D222BE21650AFCE9257DBEE7609740E12B2F79ED27E83795CE
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Тамшь ақыҭаҟны 30 шықәса раԥхьа Тамшьтәи адесант аӡхыҵра амш аҽны Ахьӡ-Аԥша Абаҟаҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит. Ашәҭшьҭаҵара ацеремониа иалахәын 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, аиҳабыра алахәцәа, Администрациақәеи ақыҭақәеи рхадацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа. Агәалашәаратә митинг аҟны дықәгылеит Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба. «Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар! Иахьа ҳара иаҳгәаҳаларшәоит ҳтәыла ақырҭуа ир рыҟнытә ахы ақәиҭтәра иадҳәалоу ахҭыс. 30 шықәса раԥхьа, ԥхынгәымза 2 рзы Тамшь ақыҭаҟны имҩаԥган ашьҭахь Аиааира агараҟны аҵак ду змаз адесанттә операциа. Аӷа ирхәҭақәа рыбжьара аимадара еиԥҟьаны, Тамшьтәи адесанттә операциа иалнаршеит Аҟәа ахахьала ажәыларақәа рымҩаԥгара, анаҩс 90 мшы рышьҭахь Аԥсны ахи аҵыхәеи аҭарцәрагьы. Арҭ амшқәа раан 57–ҩык аибашьцәа ҳацәҭахеит, урҭ ргәалашәароуп иахьа абра, урҭ аибашьцәа ршьа зхьыршу аҭыԥ аҟны ҳаизызгазгьы. Иахьа, шьҭа 30 шықәса рышьҭахь иаҳбеит урҭ баша ишҭамхаз. Аԥсны ахы иақәиҭхеит, Тамшь ақыҭаҟны ауаа ргәы рҭынчны инхоит- инҵуеит. Рыхьӡ кашәара ақәым ари Аиааира зыхәҭаа алоу зегьы.– Аԥсны аҵеицәа хьӡырҳәагақәа, хатәгәаԥхарала иааны иҳадгылаз, иара убас ҳдиаспора аҟнытә ҳашьцәа, Иҟазааит наунагӡа Аԥсны аҭынчра! Абзиара шәықәзааит!»,- иҳәеит иара. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15760/
2024-02-29T07:31:17Z
<urn:uuid:b1991696-a2ce-48f5-8960-a7c102e120c4>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.88
0.88
0.96
17
3,167
tlsh:T1981B6A519B80CF8BD6B3D5AACF824D39B8C2498202627720CE8AF8B50286048FBFCC13D6EAE4064A74E71155D062BA10688DFDE6547EABD7709241A16C3F7DDC27523591AF
Европейский Союз в действии: работая на благо более безопасной Европы и более стабильного мира (субтитры на абхазском) Один день из жизни наблюдателя (субтитры на абхазском языке) Аимадара Аус ҳуеит ашәарҭадареи, агәрагареи аиҭашьақәыргыларазы Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшратә миссиа ҳауп. 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала аибашьра аҟәыҵра иазкны аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь ҳара ҳмиссиа арахь&nbsp;иаашьҭын. Аҧыҧшра 24/7 Амиссиа ахатәы аусура 2008 шықәса цәыббра мза ианалага инаркны, ҳара инаҳагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара, Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧсни административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ираҳҭоит, Европатәи аполитика иазааигәоу аилазаашьақәа Қырҭтәылеи, арегиони рҿы рхатәы политика ашьақәыргылараҿы ацхыраара раҳҭоит. Аибашьратә хҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара Ҳара ҳприоритетқәа аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара аҭареи, Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа азааигәара инхо ауаа ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи, еиҿагылоу аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылареи, Қырҭтәылеи, арегиони ирызкны Европатә аполитикатә ҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Аганқәа рыбжьара адырраҭара аиҭныҧсахлара Аидыслара ма ашәарҭадара иазку, ма егьырҭ азҵаарақәа цәырҵыр, ҳара аҭагылазаашьа аилкааразыи, аибарххара ма аиҿыхара аҽацәыхьчарази ацхыраара раҳҭоит аганқәа адырраҭара аиҭныҧсахлараҿы. English / ქართული / Русский / Ирон / Аҧсуа / հայերեն / Azərbaycan / Ихадоу Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом. Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом.
https://eumm.eu/ab/new_media_gallery/_xaax3anl22fbeqjg
2024-03-03T05:56:55Z
<urn:uuid:141071cc-c00d-407e-a337-4edbe5b18155>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.85
0.99
27
6,705
tlsh:T1B51D2AD14544CB4BC173D4A9CA818F386CE26D578212B270CD8EF5B21685059EFFCC139ABAE8015B70EB1911D121BF10690AECDA687DBBE7B04240B65E3E7CDD276576C5AE
Ап,сны ажурналистцәа Реидгыла ареспублика зҽаҧсазтәыз ажурналист Елеонора Барцыцп,ҳа лиубилеи лыдырныҳәалоит! Елеонора Константин-ип,ҳа 50 шықәса инарзынаҧшуа аус луеит Ап,суа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәра аҟны. Абри аамҭа иалагӡаны лџьабаа здылҵахьоу зыгь рахьынтә ихадараӡоуп ҳәа иалкаатәуп Ап,суа радио амузыкатә редакциа аиҿкаареи аҧсуа музыкатә фонд аҧҵареи. Лылшарақәа рзылкуан иара убас алитература-музыкатә дырраҭарақәа рымҩаҧгара. Аҧсуа радио ахьтәы фонд иахәҭакны иҟоуп аҧсуа шәҟәыҩҩцәеи, акомпозиторцәеи, ашәаҳәаҩцәеи, артистцәеи алархәны иаҧҵаз лдырраҭарақәа. Елеонора Барцыц «Аҧсуа жәлар рашәа иазкыу ажәабжьқәа» ҳәа хьӡыс измоу ашәҟәы авторцәа дыруаӡәкуп. Акыршықәсазтәи лҵшәабзиалатәи лусуразы илыхҵоуп Аԥсны зҽап,сазтәыз акультура аусзуҩи Ап,сны зҽаԥсазтәыз ажурналисти ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа. Елеонора Константин-ип,ҳа илзеиӷьаҳшьоит агәабзиара зҩыда, лусураҿы арҿиаратә еихьӡарақәа, аманшәалара, ажәабжь бзиақәа!
https://sj-ra.info/adny-alara/?iframe
2024-03-04T08:05:44Z
<urn:uuid:5a398d25-c6cf-4183-9a95-283becc64a55>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
5
1,733
tlsh:T1F353A5319D00CAAFD9B3D18989824E2768D0541BC3237721CEC5F1F1169315CEEFCC23BDFEE80546B4EB4620C165AA186E8EECD989BDBAD3315804201A2F38FB13143AD59E
Иракли Кобахиӡе аиҳабыра реилатәараҿ Иракли Ӷарибашвили иҭабуп ҳәа иаиҳәан, акадртә аиҭакрақәак дрыхцәажәеит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Кобахиӡе аиҳабыра реилатәараҿ Иракли Ӷарибашвили иҭабуп ҳәа иаиҳәан, акадртә аиҭакр... Иҵегь аҭагалара Иракли Кобахиӡе аиҳабыра реилатәараҿ Иракли Ӷарибашвили иҭабуп ҳәа иаиҳәан, акадртә аиҭакрақәак дрыхцәажәеит 11:31, 12.02.2024 Иракли Кобахиӡе, Қырҭтәыла аҧыза-министр иаҳасаб ала, раԥхьаӡатәи аиҳабыра реилатәара мҩаԥигоит. Иракли Кобахиӡе аиҳабыра реилатәараҿ Иракли Ӷарибашвили иҭабуп ҳәа иаиҳәан, акадртә ԥсахрақәак дрыхцәажәеит Кобахиӡе акадртә ԥсахрақәак дрыхцәажәеит. “Иаха Қырҭтәыла аиҳабыра реилазаашьа ҿыц аилатәара мҩаԥысуеит. Ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьар сҭахуп. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы шәҽалархәрала атәыла аҿиара аус аҿы иҟаҵаз рацәоуп, ари азы иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Иара убас иҭабуп ҳәа иасҳәоит Иракли Ӷарибашвили. Ауаажәлар акадртә аиҭакрақәак атәы расҳәар сҭахуп. Ишыжәдыруа ала, Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистр Леван Давиҭашвили иоуп, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаа – Қырҭтәылa акультуреи аспорти рминистр Ҭеа Ҵулукиании Қырҭтәылa aтәылaхьчaрa министр Иракли Чиқовании. Иара убас, Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы иҟоу Астратегиатә коммуникациақәа рзы адепартамент дахагылоит Миша Ԥеиқришвили. Шәыззегьы ақәҿиарақәа ишәзеиӷьасшьоит”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе. АПОЛИТИКА İrakli Kobaxidze 3 Еиҧшу Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Иракли Кобахиӡе - Европарламент аҩныҵҟа ашәқәа ркны ирҳәо зегьы ақырҭуа жәлар еилыркаар, уи ҳажәлар дара рахь ирымоу азныҟәаразы анырра бзиа амазаауеит Иракли Кобахиӡе - Агәабзиарахьчара аминистр иҟны аимадара иазкны исҳәар сҭахуп, амедицинатә усхкы ахаҭарнакцәа агәынамӡара рыман, уи гәасҭеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿырҧштәалагьы Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Италиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад дылҧылеит Франциа аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит Иракли Кобахиӡе Швеицариатәи аконфедерациа ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит Иракли Кобахиӡе Павел Герчински диԥылеит Китаитәи ареспублика Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизадатә режим шьақәнаргылеит Иракли Кобахиӡе - Ареспубликатә хәшәтәырҭа ареорганизациа аанкылахоит, иашьашәалоу азинтә докумнт аус адулара ҳалагахьеит Амш зеиҧшрахо 15° аҩ Қaрҭ Ах 16° аҧшь 13° Авалиута акурс $ USD 2.6590 0.001 € EUR 2.8863 0.012 ₽ RUB 0.029111 0.001 £ GBP 3.3708 0.012 TOP 5 Аихқәа ишаарыцҳаз, Виктор Орбан Дональд Трамп хәажәкыра 8 рзы, Флорида диԥылоит Каха Калаӡе - Европеи адунеи рҿы ирбеит Кезерашвили хәымгарыла атәанчауаа шижьоз, убри иазыԥхьагәаҭаны, илоюистцәа аӡәгьы дырԥыломызт 2024 шықәсатәи иаку амилаҭтә ҧышәақәа рзы арегистрациа иалагеит Казахстан 5 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит Европатәи аихқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла атуристтә потенциали, аӡынтәи акрортқәеи акультуреи ирызку астатиақәа ирыҩуеит
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-kobaxidze-aihabmra-reilataratchv-irakli-%D3%B7aribashvili-i%D2%ADabwp-ha-iaihan-akadrt-ai%D2%ADakraqak-drmxtcazheit/
2024-03-05T03:20:55Z
<urn:uuid:dd7dc086-af9e-4888-961b-c7ca5f00fdf6>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.6
0.95
52
5,747
tlsh:T1941B23C19B00DA5BC6B3C0588A6185326CD17D0A87627271CED8B97037561B8EEBCD13E9F9F89E5E64EB1951D071BF006606ECFB15BD7FD3705640606E2F34EE2B9472868E
Шьалуа Папуашвили - Аоппозициаа рфланг аҿы иаҳбо, акьанџьақәа ртеатруп, 2024 шықәсазы ақырҭуа жәлар амилаҭтә интересқәа зыхьчо "Ақырҭуа гәахәтәи" антиқырҭуа коалициеи рҟынтә алхра ҟанаҵароуп - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Шьалуа Папуашвили - Аоппозициаа рфланг аҿы иаҳбо, акьанџьақәа ртеатруп, 2024 шықәсазы ақыр... Иҵегь аҭагалара Шьалуа Папуашвили - Аоппозициаа рфланг аҿы иаҳбо, акьанџьақәа ртеатруп, 2024 шықәсазы ақырҭуа жәлар амилаҭтә интересқәа зыхьчо "Ақырҭуа гәахәтәи" антиқырҭуа коалициеи рҟынтә алхра ҟанаҵароуп 19:53, 09.12.2023 2024 шықәсазтәи алхрақәа ҩмчык рхы аладырхәоит – Қырҭтәла европатәи аҭаацәарашҟа иназго “Ақырҭуа гәахәтәи” антиақырҭуа “Амилаҭтә ҵысреи” уи ахәҭақәеи, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили. Папуашвили иажәақәа рыла, 2024 шықәсазы ақырҭуа жәлар амилаҭтә интересқәа зыхьчо “Ақырҭуа гәахәтәи” антиқырҭуа коалициеи рҟынтә алхра ҟанаҵароуп. „ Аоппозициаа рфланг аҿы иаҳбо, акьанџьақәа ртеатруп, ари атеатр напхгара азызуа даҳбом, акьанџьақәа напхгара ззызуа анапы Қырҭтәылаҿ акәӡам иахьыҟоу. Ари атеатр хәҭакала Михеил Саакашвили ауп дызхагылоу, аха уи Қырҭтәылаҿ дыҟоуп, аха абахҭа дҭакуп. Анапы изтәуда ҳәа азҵаара иқәыргылатәуп. Урҭ хықәкы заҵәык ауп ирымоу – Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа рԥырхагахара. 2024 шықәсазы ақырҭуа жәлар амилаҭтә интересқәа зыхьчо “Ақырҭуа гәахәтәи” антиқырҭуа коалициеи рҟынтә алхра ҟанаҵароуп”, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили. АПОЛИТИКА Шьалуа Папуашвили 5 Еиҧшу Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла европарламентарцәа рцәахыхратә ҳәамҭақәа рыдгылара мап аҵәнакыроуп, ари аҟаҵаразы аамҭа ааит Шьалуа Папуашвили – Америкеи ҳареи ҳстратегиатә партниорра аекономикеи, ауаа рыбжьара аимадареи, авизада анеиааиреи, ишиашо авиареисқәеи, аинвестициақәеи ирныҧшроуп Шьалуа Папуашвили - Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рдонорцәа ирароуп, атәылантә ҳдәылцреи, атәыла рхала анапхгараҭареи аума ирҭаху, аӡбарҭа аилазаашьа ашьақәырӷәӷәара атәым тәылақәа ирусым Шьалуа Папуашвили - Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи разықәԥараҿ украинатәи жәлар рфырхаҵара иҿырԥшыгоуп, ари еиҟарам аибашьраҿ Қырҭтәыла Украина адгылоит Шьалуа Папуашвили - Адонорцәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит, апартиақәа рфинасркра иадҳәалоу NGO ԥаршеиқәа раԥыхра иазкны, ақырҭуа партиақәа атәымтә ԥара анроуа, ари Қырҭтәыла асуверенитет еиланагоит Шьалуа Папуашвили - Аиункерцәа рҭоурых еснагь иҳгәаланаршәоит ақырҭуа милаҭ ампыҵахалара ахаан шақәшаҳаҭуам Шьалуа Папуашвили - Ҳԥыза-министр иеиԥш, актәи авизила Бриуссель саҭааит, Саакашвили раԥхьаӡатәи ивизитла Москва ддәықәлеит Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла евроатлантикатә қәыԥшылараҿ аинтеграциазы алшо зегь ҟанаҵоит - абри ауп Бриуссель ашҟа ҳашьҭымҭа хада Шьалуа Папуашвили NDI алхратә жәларбжьаратә анаԥшратә миссиа ахаҭарнакцәа дырԥылеит Шьалуа Папуашвили - "Ақырҭуа гәахәтәы" алхрақәа рҿы аиааира шаго аӡәгьы агәыҩбара имам Амш зеиҧшрахо 9° Ас Қaрҭ амҽ 10° ашә 11° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Иракли Ҕарибашвили арегионқәа рҿы апартиатә активқәа рҟны аиҧыларақәа рымҩаҧгара далагоит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Каха Калаӡе - Иракли Кобахиӡе зегьы реиҳа ибзианы идыруеит аиҳабыра ирызкны идикылаша аӡбара Иахьа инаркны аӡыргаратә ацҳамҭақәа рышьҭра адресат иқәшаҳаҭра мацара ашьҭахь алшахоит Павел Ҳерчински - Анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи аганахьала Қырҭтәыла аҧхьагылара шамоу аазырҧшуа аҭҵаарақәа гәахәаала аҧара рзоуҳажьҭуеит
https://1tv.ge/lang/ab/news/sh%D1%8Calwa-papwashvili-aoppozitciaa-rflang-atchvm-iahbo-ak%D1%8Canj%D1%8Caqa-rteatrwp-2024-shmqsazm-aqmr%D2%ADwa-zhlar-amila%D2%ADt-interesqa-zmx/
2024-03-02T13:51:10Z
<urn:uuid:a164017d-0467-4f5c-905e-c675f2f18bbf>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.61
0.96
51
6,661
tlsh:T16975E2D18A48DA0BC5B3C5888F5189367DD2A90783127370CEC5F8715A5509CEFFCC13A9F9E4064E70AF2031D125BF201A4AFCE765BDBFE6619600E11E2E35EA23A876CA9D
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациатә каналқәа ркоординатор Милана Ҳашԥҳа иҟалҵеит ахҳәаа: 29 January 2024 25 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Мартин Ҭаркьыл ахҳәаа ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр иабжьгаҩ Мартин Ҭаркьыл ахҳәаа ҟаиҵеит: 29 January 2024 22 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Асҭанда Патараиа ахҳәаа ҟалҵеит Аԥсны АдәАР аҟны иҟоу адипломатцәа ҿарацәа Реидгыла ахантәаҩы Асҭанда Патараиа ахҳәаа ҟалҵеит: 29 January 2024 26 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Оҭырба: Мраҭашәара Аԥсны амчрақәа раҳаҭыр аларҟәра аҽазнашәоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рымадаразы адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Саид Оҭырба ихҳәаа: 28 January 2024 22 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Милана Ҵәыџьԥҳа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Милана Ҵәыџьԥҳа ахҳәаа алҭеит Аахыҵ Кавказ ЕЕ ахаҭарнак ҷыдас иҟоу Таиво Клаар 2024 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны аҭаара шилымшо "аҭыԥқәа рҿы ипартниорцәа" уи ҟалашьа амам ҳәа ахьиарҳәаз аҟнытә ҳәа иҳәамҭа: 23 January 2024 112 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы иаԥҵоуп аконсултә ҟәша Шьамтәыла инхо ҳџьынџьуаа ацхыраара рыҭаразы, ахәаахәҭра-економикатә, акультуратә, агуманитартә еимадарақәа рырҿиаразы Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы иаԥҵоуп аконсултә ҟәша. 23 January 2024 60 Сибратәи Афедералтә округ аҿы аинырразы Аԥсны АдәАР ахаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп Нодар Шьониа Шьониа Сибратәи Афедералтә округ иаҵанакуа Урыстәыла асубиектқәеи Аԥсни ганрацәалатәи реинырра азҵаарақәа рыӡбра мҩаԥигалоит. 22 January 2024 128 Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспубликеи рыбжьара Аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра 31шықәса ахыҵит 1993 шықәса ажьырныҳәа 22 азы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, Аԥсни Приднестровиеи рнапы зҵарҩыз Аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра раԥхьатә ҳәынҭқаррабжьаратә еиқәышаҳаҭроуп. Иара иаанарԥшуан ареспубликақәа аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы рҽазышәарақәа. 20 January 2024 58 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Инал Арӡынба Дамаск анхарҭа ҩны иахьеихсыз дақәыӡбеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба 2024 шықәса ажьырныҳәа 20 рзы Шьамтәыла аҳҭнықалақь Дамаск анхарҭа ҩны иахьеихсыз дақәыӡбо аҳәамҭа ҟаиҵеит. 18 January 2024 69 Анотақәа Инал Арӡынба Гарри Кәпалба дидныҳәалеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Приднестровиа-Молдавтәи Ареспублика аофициалтә Хаҭарнакра ахада Гарри Кәпалба дидныҳәалеит.
http://mfaapsny.org/allnews/news/visits_info/daur-kove-prinyal-uchastie-v-mezhdunarodnoy-konferentsii-v-izraile?PAGEN_1=3
2024-02-26T11:32:33Z
<urn:uuid:fdd8457b-1f3c-4c99-832d-bd1ac9127bd0>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.98
0.93
0.97
27
4,443
tlsh:T12430AE916B44CB4BC6B7C0445A919D3268C098178261B730CFC4B170165218DFBFCE13EAB2EC1686389F2262E5D6AF159E5FFDEA247D7BC7709200E06E2F24ED27947AD29D
Иракли Ҕарибашвили импыҵахалоу Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу, 1990-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз аибашьраан хабарда иӡыз аруааи атәылауаҩратә хаҿқәеи рпанихидаҿ дыҟан - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Ҕарибашвили импыҵахалоу Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу, 1990-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз ... Иҵегь аҭагалара Иракли Ҕарибашвили импыҵахалоу Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу, 1990-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз аибашьраан хабарда иӡыз аруааи атәылауаҩратә хаҿқәеи рпанихидаҿ дыҟан 15:29, 07.12.2023 Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, аиҳабыра алахәылацәа дрыцны, импыҵахалоу Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу, 1990-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз аибашьраан хабарда иӡыз аруааи атәылауаҩратә хаҿқәеи рпанихидаҿ дыҟан. Аиҳабыра рнапхгаҩы Самеба акафедралтә ныхабаашҟа днеины, иҭахаз ауаа ҳаҭырла игәалаиршәан, руацәа дрыдашшылеит. Зыҧсыбаҩқәа ииагоу, зыхьӡқәа еилкаау 23ҩык рҟынтә 21ҩык аруаа роуп, ҩыџьа – аҭынчуаа роуп. . Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарати Аџьар Қаҧшь жәларбжьаратәи акомитети русеицура ала, 1990-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз аибашьреи 2008 шықәсатәи нанҳәатәи аибашьареи раан хабарда иӡыз ауаа рыҧшаара амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, раҧхьаӡа акәны аҧсыбақәа ҧшааны ииаргеит 2013 шықәсазы. Зыӡбахәы ҳәоу амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны уажәазы зынӡа иҧшааны ииагоуп 604ҩык рыҧсыбаҩқәа, урҭ рҟынтә 288ҩык рыхьӡқәа еилкаауп. АУААЖӘЛАРРА Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили 7 Еиҧшу Иракли Ҕарибашвили – Агәра ганы сыҟоуп ҳара аглобалтә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны алҵшәа дуқәа шҳауа, адунеитә масштабла изҩыдоу, ишәҭыкакаҷу аҧеиҧш аиқәыршәара шҳалшо Иракли Ҕарибашвили адунеитә економика алидерцәа иформалымыз ршьыбжьхьа ихы алаирхәит Иракли Ҕарибашвили аилахәыра TAQA анапхгаҩы диҧылеит Аҳәынҭқарра, зынхарҭатә ҭагылазаашьа цәгьоу 1000 ҭаацәара анхарҭа ҿыцқәа рнаҭоит Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду ргәырҕьаҵәа иаҧыларц рзеиҕьасшьоит, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаҧсадгьылгьы Анцәа илҧха ҳагымзааит, аҭынчра ҳамазааит Иракли Ҕарибашвили Хавиер Коломина диҧылеит Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ари аус ҳазықәҧон, аус аауан, атәыла анапхгареи ажәлари ари астатус ҳҽаҧсаҳтәит Иракли Ҕарибашвили Урсула фон дер Лаиен лахь - Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит, ари аӡбара Қырҭтәылеи европатәи адемократиақәа рҭаацәареи ҕәҕәала еиднаҳәалоит Иракли Ҕарибашвили Евроеидгылаҿ ахантәаҩра змоу атәыла – Испаниа аҧыза-министр иахь - Қырҭтәыла, Евроеидгыла ҳаҧхьаҟатәи алахәыла аҳасабала, Европа ашәҭыкакаҷраҿы зҵакы дуу ароль нанагӡоит Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель иахь – Ҳажәлари анапхгара ззызуа аиҳабыреи ҳазну амчыбжь азы Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит Амш зеиҧшрахо 15° аҩ Қaрҭ Ах 16° аҧшь 13° Авалиута акурс $ USD 2.6590 0.001 € EUR 2.8863 0.012 ₽ RUB 0.029111 0.001 £ GBP 3.3708 0.012 TOP 5 Аихқәа ишаарыцҳаз, Виктор Орбан Дональд Трамп хәажәкыра 8 рзы, Флорида диԥылоит Каха Калаӡе - Европеи адунеи рҿы ирбеит Кезерашвили хәымгарыла атәанчауаа шижьоз, убри иазыԥхьагәаҭаны, илоюистцәа аӡәгьы дырԥыломызт Анри Оханашвили - Саломе Зурабишвили Саакашвили ашьауӷа ихылхыр, ари ақырҭуа ҳәынҭқарра аҿагылара мацара акәым, жәларбжьаратәи аӡбарҭа аӡбара аҿагыларахоит Алианс алахәыла аҳасабла раԥхьаӡа Финлиандиа Нато атәылахьчаратә зыҟаҵарақәа ирылахәхоит Гиа Вольски – Дара миллионбжак нырххьеит ргәаанагарақәа Америка Сенат аҟынӡа анагаразы, уи рыцҳарак ауп, аха, даҽа рыцҳаракгьы иҟоуп, ҳажәлар уи иазкны акгьы рыздырӡом
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-gharibashvili-impmcaxalow-aphsnmnt-zmphsmbauiqa-iiagow-1990-ti-ashmqsqa-rzm-ikhalaz-aibash%D1%8Craan-xabarda-idzmz-arwaai-atmlawauirat/
2024-03-05T02:58:54Z
<urn:uuid:bf79a709-3ac6-4761-aa0d-949ea4283061>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.6
0.96
52
6,591
tlsh:T141D6EDD1BB44CB4BD6B7C1958FA18A313DC179078652A260CEC6F5726646069EFFCC13A9F9E8091AB0CB1426D122BF151A4AFCE728BEBBD7B11640B15D3F38DD2BD472C28D
Гәык-ԥсык ала ишәыдаҳныҳәалоит Шәира амш. 70 шықәса шәхыҵра амш аҽны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Шәара шәырҿиаратә ҟыбаҩ, шәгәамч Аԥсадгьыл амаҵ аура иахьазышәкыз. Аԥсуа жәлар рытрадициақәа, рбызшәа, ркультура аиқәырхаразы, ҳтәыла иқәынхо реиԥш, уи анҭыҵгьы иҟоу ажәларқәа рырҿиара адгыларазы имҩаԥыжәго аусура Шәара шәыԥсҭазаараҟны хадара змоу хырхарҭаны иҟоуп. Акыр шықәса раахыс Шәара напхгара ашәҭоит И. Е. Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ареспубликатә центр. Арҿиаратә конкурсқәа, ацәыргақәҵақәа, афестивальқәа реиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа традицианы иҟалеит, урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп жәларбжьаратәи аҵакы заузгьы. Шәара ишәыбзоураны ҳарҿиаратә коллективқәа изныкымкәа қәҿиарала ҳреспублика ахьӡала иқәгылахьеит аҳәаанырцә. Жәлар рырҿиаралеи аҟазара абызшәалеи Шәара ишәылшеит ахьыӡ ҿыцқәа рцәыргара. Шәусураҟны шәзықәныҟәо аԥҟара хадақәа иреиуоу «Ҳәаа змам аиҩызара» – аԥсҭазаара иаларҵәахоит ишәҟазшьоу агәацԥыҳәареи ахықәкынагӡареи рыла. Ганрацәала еибыҭоу шәусура, ишәыдгылаша ауаа рыԥшаара, шәҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рынагӡара ирыбзоураны Шәара аҳаҭыри ахьӡи шәрыԥсахеит. Шәара акультура аусхк аҟны жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҟны шәылшамҭақәа рзы ишәанашьоуп аҳамҭақәеи ахьыӡқәеи жәпакы. Жәлар рырҿиареи амузыкатә фольклори рыларҵәаразы, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аҩадатәи Кавкази рыбжьара акультуратә еимадарақәа рырҿиараҿы шәлагаламҭазы ишәанашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара. 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсадгьыл аҿаԥхьа иаашәырԥшыз афырхаҵаразы ишәанашьоуп Леон иорден. Ҳаҭыр зқәу Нури Еремеи-иԥа! Шәара иаашәырԥшуа агәацԥыҳәареи ауаа ирышәҭо анасыԥи шәхықәкы ҿыцқәа рынагӡараҟны ицхыраагӡаны иҟалааит. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡара ҿыцқәа".
https://parlamentra.org/ab/novosti/3986.html
2024-02-24T13:25:00Z
<urn:uuid:d5f36018-d2f6-4881-81f7-25e99ee59277>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
6
3,132
tlsh:T1C7350F516A8097CBD673D0888A914E3A14C169028662BA718FD9F0751701089EFFCC13EAEBD8094A34EB2175C162BE14FA0EECE9187DAFD7709240B12D6F7CED23A875D06E
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра ду аанарԥшуеит Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика акәша-мыкәша имҩаԥысуа ахҭысқәа рзы. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы адиверсиатәии атеррористтәии жәыларақәа ирыхҟьаны ареспубликаҿ аҭагылазаашьа иаалырҟьаны иуадаҩхеит. Асеиԥш аибарххара аҭыԥ аиуит украинатәи ачынуаа рганахь ала ақәмақаррақәа рыҟазаараан. Дара ирӡом Приднестровие иажәлар шалшо Молдова аимак аӡбраз иацхраарц. Абас ала украинатәи аофициал мчрақәеи молдавиатәи рколлегацәеи арегион аҿы абџьаршьҭыхрахь ииасыр зылшо аибарххаратә ҟазшьа аԥырҵоит. Ахашҭра аҭахым Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика ареспублика ашәарҭадара аиҿкааразы арратә мчылшара шамоу. Уи адагьы Приднестровие игылоуп арегион аҿы аҭынчреи ашәарҭадареи рыхьчара знапы иану урыстәылатәи ар Аоперативтә гәыԥ. Абри инадҳәаланы Украинеи Молдовеи рҟны асеиԥш иҟоу аӡбрақәа ирыцәхьаҵырц агәҽанҵара раҳҭоит, избанзар аҭагылазаашьа аԥшьгаҩцәа рзы иҽеимхар алшоит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика ажәлари анапхгареи адгылара рыҭо игәыӷуеит аиашьаратә республикаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи еиқәхап ҳәа. Back to the list Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Анотақәа Женеватәи аиҿцәажәарақәа Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Архив новостей Афотосахьақәа Авидео Адәныҟаполитикатә усура ахҳәаа Афотосахьақәа Сергеи Лавров Аԥсныҟа иаара Аԥснытәи аделегациа Венесуела усутә визитла рыҟазаара Аԥснытәи аделегациа Никарагуа визитла рыҟазаара ..еиҭа афотосахьақәа Ҳара асоциалтә ҳақәа рҟны Abkhazian Foreign Ministry/Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра/МИД Абхазии Related articles МИД Абхазии направил поздравительный адрес в МИД ПМР по случаю Дня защитника Отечества 23.02.2024 МИД Абхазии направил поздравительный адрес в МИД Республики Южная Осетия по случаю Дня защитника Отечества
http://mfaapsny.org/allnews/news/othernews/zayavlenie-mid-respubliki-abkhaziya-po-situatsii-v-pridnestrove-/
2024-02-26T09:55:52Z
<urn:uuid:38e25790-e173-48e0-b79a-3f93843dcf62>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.85
0.76
0.97
25
3,450
tlsh:T1EFA05E614648DA0BC573D0948A5099311DD15847C612B372CEC9B470294248DDFBCD03EAF9EC298A74DB2212E596EE006B0FFDE624BD7FC7719701A57E2F34DA2798768AAE
Рауль Ҳаџьымба дидидикылеит зхы иақәиҭу ақәҧаразы Урыстәыла имҩаҧысуаз аицлабраҟны аиааира згаз Асланбек Гәарамиа. 11.06.2015 Урыстәыла Амш иазку адкылара Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәара иеиҿнакааз Урыстәыла Амш иазку адкылара далахәын. 11.06.2015 Иқәыҧшу Аҧсны аспортсменцәа – акаратистцәа рҧылара Рауль Ҳаџьымба ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы Сҭамҧыл ақ. (Ҭырқәтәыла) имҩаҧысуаз адунеи ачемпионат иалахәыз IJKA каратэ-до азы аспортсменцәа қәыҧшцәа дырҧылеит. 11.06.2015 Владимир Путин Урыстәыла Амш идныҳәалара Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин идиныҳәалеит Урыстәыла Амш. 10.06.2015 1992-1993 шықәсазтәи Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рҧылара Рауль Ҳаџьымба 1992-1993 шықәсазтәи Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәеи араионтә ассоциациақәа ринвалидцәа рнапхгаҩцәеи дырҧылеит. 10.06.2015 Анаплакра маҷ кредитла аиқәышәара азҵаарақәа рзы аилацәажәара Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит анаплакра маҷ кредитла аиқәышәара азҵаарақәа рзы аусуратә еилацәажәара. 09.06.2015 Рауль Ҳаџьымба Гагра араион активи ауаажәларреи рҧылараан иқәгылара астенограмма Ҳаҭыр зқәу гаграа! Иахьа ҳара ҳаззеизаз иҟоу апроблемақәа иаартны рылацәажәара адагьы, Гагра араион аҧхьаҟа асоциал-економикатә ҿиара шымҩаҧысуа атәгьы ҳахцәажәарц азоуп. Лыҵшәа змоу, аконструктивтә еицәажәара мҩаҧаҳгап ҳәа сгәыҕуеит. 09.06.2015 Гагра араион активи ауаажәларреи рҧылара Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит Гагра араион асоциалтә-економиатә ҿиареи, акурорттә аамҭа аҽазырхиареи, абжьааҧнытәи апроблемақәеи ирзыкыз араион активи ауаажәларреи рҧылара. 08.06.2015 Аҧснытәи АИХ рзы Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ипресс-конференциа астенограмма Аҧснытәи АИХ рзы Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ипресс-конференциа астенограмма 08.06.2015 Рауль Ҳаџьымба аҧсуа массатә информациа ахархәагақәа рнапхгаҩцәа аинтервиу риҭеит Рауль Ҳаџьымба аҧсуа массатә информациа ахархәагақәа рнапхгаҩцәа аҩныҵҟатәи аҭагылазаашьеи аҧсуа-аурыс еизыҟазаашьеи рызҵаарақәа ирызкыз аинтервиу риҭеит. 08.06.2015 Ахада “Жәлар Реизара ахыҧхьаӡаратә еилазаашьазы “ аконституциатә закәан апроект Жәлар Реизара ашҟа идәықәиҵеит Рауль Ҳаџьымба Жәлар Реизара ахәаҧшразы иалаигалеит «Жәлар Реизара ахыҧхьаӡаратә еилазаашьазы» Аҧсны Аконституциа арҽеиразы Аҧсны Аконституциатә закәан апроект. 05.06.2015 Иааҳакәыршаны иҟоу аҧсабара ахьчара амш адныҳәалара Рауль Ҳаџьымба Иааҳакәыршаны иҟоу аҧсабара ахьчара адунеизегьтәи амш рыдиныҳәалеит аекологцәа, аҧсабарахьчаратә усбарҭақәа рспециалистцәеи аветеранцәеи. 05.06.2015 Аконституциатә реформазы акомиссиа аилатәара Рауль Ҳаџьымба хантәаҩра азиуан ажьырныҳәа 22, 2015 шықәсазы Аҧсны Ахада Иусҧҟала иаҧҵаз Аконституциатә реформазы акомиссиа аилатәара. 05.06.2015 Аҧсны Ахада Урыстәылатәи аинформациатә усбарҭа “Интерфакс” иаиҭаз аинтервиу Рауль Ҳаџьымба: Аҧсны амчрақәа рымахәҭақәа реиҟаратәра алыршара даара акраҵанакуеит Аҧсны Ахада далацәажәеит атәылаҟны иҟоу аҭагылазаашьа зеиҧшроу, аекономика аҿиара иазку аусхкқәа, акурорттә аамҭа аҽазырхиара ртәы. 05.06.2015 Аҳақьымцәа-офтальмологцәа рҧылара Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит аблачымазара змоу Аҧсны ауааҧсыра рыхәышәтәреи раҧхьатәи офтальмологиатә ҭҵаара амҩаҧгареи рзы Москвантәи иааз гәыҧҩык аҳақьымцәа рҧылара. 03.06.2015 Венесуела Ахьыҧшымра Амш иазкны адныҳәалара Рауль Ҳаџьымба Николас Мадуро идиныҳәалеит Боливариантәи Ареспублика ВенесуелаАхьыҧшымра Амш. 03.06.2015 Венесуела иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ иҧылара Рауль Ҳаџьымба Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Гваџьава дидидкылеит. 03.06.2015 Аҳәынҭқарратә напхгаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рыштаттә хыҧхьаӡара аиҕьтәра азҵаарақәа ирызку Аминистрцәа реилазаара аилатәара Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит аҳәынҭқарратә напхгаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рыштаттә хыҧхьаӡара аиҕьтәра азҵаарақәа ирызку Аминистрцәа реилазаара аилатәара. 02.06.2015 Орловтәи аобласт агәубернатор Вадим Потомски иҧылара Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла Орловтәи аобласт агәубернатор, Урыстәыла Орловтәи аобласт аиҳабыра рхантәаҩы Вадим Потомскии уи напхгара ззиуаз аделегациеи дырҧылеит. 01.06.2015 Алеқсандр Жуков Имшира идныҳәалара Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Жуков Имшира идиныҳәалеит.
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/7010?print=Y&PAGEN_1=143
2024-02-29T09:20:28Z
<urn:uuid:377ce12c-ddc7-4487-b474-41bbb48ea097>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.82
1
49
7,799
tlsh:T17611DDF13740CB4FC0B3C4698F925B315DE098970222B661CD8DF4A0074208AEBFCD13B9FBE85A8B64EB1512D1A6BF115A0AECE52A7D7ED7311204A43E7F78E6379472C59F
Аиха рдырраа рыла, Нато аҭоурых аҿы зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау авиациатә зыҟаҵарақәа Германтәыла мҩаԥысуеит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Аиха рдырраа рыла, Нато аҭоурых аҿы зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау авиациатә зыҟаҵарақәа Германт... Иҵегь аҭагалара Аиха рдырраа рыла, Нато аҭоурых аҿы зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау авиациатә зыҟаҵарақәа Германтәыла мҩаԥысуеит 15:30, 30.05.2023 Нато аҭоурых аҿы зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау авиациатә зыҟаҵарақәа Германтәыла мҩаԥысуеит, – аарыцҳаит германтәылатәи аихқәа. Аихқәа ишаарыцаз, алианс аҭоурых аҿы хегь реиҳа зымҽхак ҭбаау Нато иалоу атәылақәа рырратә мчққәа рзыҟаҵарақәа ҩымчыбжь рышьҭахь иалагоит. Аманеврқәа зегь ыГерманәыла мҩаԥгахоит. Германтәыла аҳауатә мчқәа ринспектор Инго Герҳарц идыррақәа рыла, азыҟаҵарақәа рхы аладырхәоит 250 ҳаирпланқәеи аҵәиԥрыгақәеи. АДУНЕИАҾЫ NATO авиациатә зыҟаҵарақәа 1 Еиҧшу Венгриа апарламент Швециа НАТО ашҟа алалара иазку азыҳәамҭа иақәшаҳаҭхеит Иенс Столетнберг - Украина хымԥада Нато илалоит, уаанӡа алианс ари атәыла адгылара нанагӡоит Иракли Кобахиӡе - Қырҭтәыла аҵакырадгьыл 20 наӡына уажәгьы импыҵахалоуп, абри иуадаҩӡоу аамҭазы, аидгылаҩцәеи жәларбжьаратәи ауаажәларреи зеиҧшҟамлац акзаареи азгәыкреи аарҧшра нарыгӡароуп Иракли Кобихиӡе - Раҧхьатәи сдәныҟатәи визит Бриуссель имҩаҧызгоит, уи алагьы иубарҭоуп ҳара абри апартниорра аҵакы ҷыда шанаҳшьо Виктор Орбан иажәақәа рыла, 2008 шықәсазы Украинеи Қырҭтәылеи Натои Евроеидгылеи ралалара алшара рыман, аха ари ашанс рхы иадырхәарц ирылымшеит НАТО аҿы ишырҳәаз ала, Германтәыла жәабран азы Урыстәыла ала НАТО мрагыларатә фланг ажәыларазы аҽазыҟанаҵоит ҳәа аҭыжьымҭа Bild иаланарҵәаз агәаанагара аҵаратә сценари мацароуп Европа имҩаԥысран иҟоу Нато азыҟаҵарақәа рхы аладырхәоит 20 000-ҩык британиатәи аруаа. Ажьырныҳәа 10 рзы Бриуссель Нато-Украинатәи ахеилак аилатәара мҩаԥысуеит Москва ргәы ишаанаго ала, Урыстәылеи НАТОи рыбжьара аибарххара иалагар, зегьы раҧхьа азарал аиуеит Финлиандиа Хавиер Коломина - Евроеидгыла аднакылаз аӡбара даараӡа ҳгәы иаахәеит, уи Қырҭтәылеи Натои рзы зеиԥшҟамлац ала ибзиоу жәабжьуп Амш зеиҧшрахо 12° ашә Қaрҭ аҩ 15° Ах 16° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Ингушетиатәи ақалақь Карабулак кыаамҭалатәи бџьаршьҭыхлатәи аидыслара ашьҭахь, иршьит фҩык аибашьцәа Мака Боҷоришвили Европарламент аҿы аиԥыларақәа лыман Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, Ҟрымтәи адгьылбжьахабжьа аганахьала адронқәа рыла ажәылара мҩаԥган, урыстәылатәи аҳирхьчаратә мчқәа 38 дрон карыжьит Сербиа анапхгаратә патиа Белград алхрақәа реиҭамҩаԥгара иақәшаҳаҭхеит Афермерцәа рпротест амзызла, Украинеи Польшеи рҳәааҿ иҟоу оужьҭратә пунктқәа зегьы аибаратә машьынақәа рзы аркуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/aixa-rdmrraa-rmla-nato-a%D2%ADowrmx-atchvm-zeg%D1%8C-reiha-zmmchvxak-%D2%ADbaaw-aviatciat-zmkhacaraqa-germantmla-muia%D4%A5msweit/
2024-03-04T02:45:05Z
<urn:uuid:81c98eed-b07b-457e-8844-e6f6984694e5>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.6
0.95
52
5,174
tlsh:T1F9B920B17A40D74BC6B3D599CA4189352DC068078721A261CDC9F8715A41099EFFCD13AAFAF94A4E60DB1512D1227F15260AECEB587EFED3625240E97E3F34CE37AC72C59E
https://sputnik-abkhazia.info/20230729/aiaaira-shagoz-azy-agyra-aman-aida-chachkhaliaa-lgalasharaa-1046752363.html "Аиааира шаҳгоз азы агәыӷра ҳаман": Аида Чачхалиаԥҳа лгәалашәарақәа "Аиааира шаҳгоз азы агәыӷра ҳаман": Аида Чачхалиаԥҳа лгәалашәарақәа Sputnik Аҧсны Ақалақь фырхаҵа Тҟәарчал аблокада иҭакын Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра цонаҵы. Ус шакәызгьы, уи иаланхоз ауааԥсыра аиааира ҟалоит ҳәа агәыӷра рыманы афронт... 29.07.2023, Sputnik Аҧсны 2023-07-29T15:00+0300 2023-07-29T15:00+0300 2023-07-29T15:53+0300 аԥсны аналитикеи аиҿцәажәарақәеи аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/06/1046747423_0:56:1080:664_1920x0_80_0_0_1e7bd1eb326f9a448c9ce4651aeb76ad.jpg Ақалақь фырхаҵа Тҟәарчал аблокада иҭакын Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра цонаҵы. Ус шакәызгьы, уи иаланхоз ауааԥсыра аиааира ҟалоит ҳәа агәыӷра рыманы афронт амаҵ азыруан. Аида Чачхалиаԥҳа иахьагьы Тҟәарчал дынхоит, аибашьра аамҭа зегьы убра илхылгеит. Лара илгәалалыршәоит гәыӷрала иҭәыз аибашьра аамаҭазтәи ахҭысқәа.Аибашьра аԥхьа1970-1980-тәи ашықәсқәа инадыркны тҟәарчалаа есымша агәҭа игылаз ракәын амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы. Аибашьра аԥхьа аԥсуа бираҟ анрыдыркылаз ашьҭахь Аԥсны аҭагылазашьа уадаҩхо иалагеит. "Аидгылара" аофис аартны ирыман аҭыԥантәи апатриотцәа. Даҽакала иаҳҳәозар аилаҭырра ыҟан есымша Тҟәарчал. "Аибашьра ианалагоз исхыҵуан 21 шықәса. Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет салгеит уи ашықәсан. Иун азы аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа ҭины аҩныҟа сааит Тҟәарчалҟа. Аха, ҳанеиԥырҵуаз ҳкурсаа еибаҳҳәеит август 15 рзы Аҟәа ҳаиқәшәарц, иазгәаҳҭарц ҳҵара ахыркәшара. Амза 14 рзы сҩызеи сареи Очамчыра ҳаиқәшәараны ҳаҟан, убри азын автобус снақәтәаны сдәықәлеит. Ҳашнеиуаз абри арацәаҵхҩы ибаҟа ахьгылоу ҳааҩсуаны Славик Дочиеи Валера Когошвилии автобус ааныркылеит (урҭ еибашьуан, рыԥсҭазаара иалҵхьеит). Иахьеиԥш исгәалашәоит, автобус инҭалан - атанкқәа рацәаӡаны Аҟәа аганахь ицеит, аибашьра иалагеит ҳәа ҳаларҳәеит. Сгәы нҭыԥсааит ҳәарада, аибашьра ҟалеит анырҳәа, аха автобус сҭымҵӡакәа сцеит Очамчыраҟа иҟоу збап ҳәа. Очамчыра авокзал аҿы ҳахьнеиз аилаҭырра цоит агырқәа рацәаҩны еилагылан, рбызшәа саҳауамызт, аха ргәы шҭынчымыз еилсыргеит. Аԥсуаагьы еизо иалагеит. Убра ирҳәеит Очамчыра ахада Игор Гәыргәлиа дытҟәаны дшыргаз. Ус Аҟәантәи Тҟәарчалтәи автобус ааит, усҟан аҭелқәа абаҟаз, сҭаацәа агәырҩа иагоит сҳәан сгьежьырц сыӡбеит аҩныҟа. Иара амашьынарныҟәцаҩ ҳиазҵааит иубазеи амҩан ҳәа? Сара исԥымлеит атанкқәа, аха жәабжьны ирҳәеит ирацәаны еишьҭагыланы Аҟәаҟа ишцаз ҳәа ҳаҭеикит. Тҟәарчал саннеи автобус сҭыҵны шьапыла аҩныҟа сдәықәлеит. Асааҭ 12 ҟалон уажәшьҭа, Аԥсуа телехәаԥшра цәырҵын Зураб Аргәын рылаҳәара даҿын Арӡынба иҟаиҵаз ааԥхьара. Аиашазы ауаа ргәы ҭнарҟьеит, аха шәымшәан абааԥс зҳәозгьы ҟалеит".Тҟәарчал аманал ыҟан"Сара Тҟәарчал сыҟан аибашьра нҵәаанӡа. Ишдыру еиԥш, актәи амш инаркны Тҟәарчал аӷа имацәаз иҭакын. Џьара уцо, уаауа иҟамызт, аха ҳаԥсит, ҳанҵәеит ара ҳҭаршьуеит ҳәа агәалаҟазаара ҳамаӡамызт. Раԥхьатәи амшқәа инадыркны аҷкәынцәа рҽеизгара иалагеит, абџьаргьы ыҟамызт ишыжәдыруа еиԥш, аманал ҳзааргон, нас абарҭ аиха кәалаԥқәа ирҭаԥсаны иҟаҳҵон аԥжәаразы ибзиан азы. Тҟәарчал аманал усгьы иҟан, абри аҟаҵашьа ҳдырҵеит аҷкәынцәа. Ажьешьҭ иалхыз аманал зҭаԥсаз ҳманалқәа Ҟарҟарашвили дахыччозаарын, абри ала аԥсуаа ҳиааирц рҭахуп ҳәа. Афронт аҿы Тҟәарчалаа рманал зхы иазырхәоз рацәаҩын, еиҳаракгьы аԥхьатәи амшқәа рзын", - лҳәоит Аида раԥхьатәи амшқәа лгәаларшәо.Аинформациа аҟамзаараАида Чачхалиаԥҳәа аибашьра аамаҭа дазхәыцуа иазгәалҭоит, афатә-ажәтә, абџьар уҳәа раҵкысгьы, аинформациа аиура ишазгәышьуаз. Аида еиҭалҳәоит дара ажәабжь аилкааразы мҩақәас ирыԥшаауаз: "Нас, Тҟәарчал иалахысуа иалагеит, град уҭахума, Су -25 ала уҭахума. Ҩымз алашара ҳаман, нас уигьы ҳалыхәдаахеит. Тҟәарчал амацәаз иҭакын, афатә-ажәтә азҵаатәгьы ыҟан, аха зегь реиҳа ҳзыргәаҟуаз аинформациа аиура акәын. Аԥсуа телехәаԥшра дара ирҳәоз акәын иаҳәоз, убри аҟынтә уи зынӡа иаҿаҳкӡомызт. Исгәалашәоит убасҟан ҿаҭахьаны ирықәырҵон, абри ҳтелехәаԥшра ҭыҵуа ианыҟало иҟаҳҵаша ҳәа. Тҟәарчалтәи ателехәаԥшра ыҟан, аха уигьы алашара ыҟанаҵ акәын. Урҭгьы аинформациа абри аԥсуа радио иазыӡырҩны акәын ишеиқәдыршәоз. Ҳала ҭраа убри ҳазыԥшын, аха ишԥаҳзыруи? Абри ателербагатә станциа авертолиот аахылан иеихсит. Уи ақырҭқәа рыц иҵаханы иҟан. Иагәыдырҵеит. Нас, зынӡа информациада ҳаанхеит. Усҟан ҳгәы хызҽуаз, аԥсуа радио акәын. Уи ҳазыӡырҩырц азыҳәан, машьынак акуммолиатор ақәхны ҳгәылара убра Маршьанаа нхон арадио рыман, еиҿаԥшьны ҳазыӡырҩуан. Абри аԥсуа радио акәын ԥсеиқәырхагас иҳамаз".Амахәыда каҳуаАибашьра аамҭазы Тҟәарчал даараӡа ирацәан Очамчыра ариаон ақыҭақәа зегь рҟынтәи инеиз ахҵәацәа. Ақалақьуаа ирылшоз ала урҭ ирыцхраауан. "Урыстәылаҟа, ма Гәдоуҭаҟа ицоз ыҟан авертолиотқәа ирҭаланы. Ара иаанхаз зегьы ус хылаԥшрада аӡәгьы дыҟамызт. Сара исгәалашәоит сҩыза Жанна Гәлуаԥҳа лҭаацәа усҟан ахҵәара рықәшәан ҳа хҿы иааит. Нас, ҳгәылара ҩнык ҭацәын иҩнаҳҵеит. Рыҷкәынцәа еибашьуан, ара итәамызт. Иҳамаз ахәыҷы еиҩаҳшон. Исгәалашәоит ибзианы усҟан ашьақар ыҟаӡамызт азын, ацха хәыҷык налаҵаны аҵәа еилаҳаршуан. Даара агьама бзиан. Амахәыда ӡны иаҳххуан, акаҳуеиԥш иаҳжәуан. Амгьал ҳшәырқашь нахьшьны, ҳмахәыда каҳуа надкыланы ҳаидтәалон. Акаҳуа иаԥшуаз абзиабара атемагьы иазхәыцуан. Иҟан ҳгәылацәа аҭыԥҳацәа уи иазҟазаз. Зегь бзиахоит рҳәон аԥшцәа. Нас, ани ииҳәозеишь ҳәа аҭыԥҳацәа анҵаалкгьы - уи бигоит аибашьра еилгар - лҳәон аԥшҩы алафгьы нацҵаны. Исгәалашәоит зны саб иаҳәшьа лҿы ҳаҟан. Ҳмахәыда каҳуа ақәгылан ашразы. Ижәны ҳаԥшуеит анааҳгәахәуаз хыхьынтә артҟәацгақәа ҳаларыжьит. Тҟәарчалтәи 5-тәи ашкол ааигәара акәын. Агәыԥ "Скарпион" убра иҟан. Цәҟьарас ирыман акырҭқәа убри аҭыԥ азын, атәыла дырбгеит, иақәрыжьӡеит. Аҭабиа рыман уа, ҳмахәыда каҳуа нкажьны ҳаҩны уахь ҳцеит. Ианеилга, ҳандәылҵ ҳкаҳуа ҳзымжәит, избанзар ихәыз ҟалеит. Гамгиа ҷкәынак апозициа аҟынтәи дшаауаз аснариад аҟәырҷаха иаахан дахәит. Ауаа еицхыраауан цәгьала. Исгәалашәоит хәылбыҽхак машьына дук аангылеит ҳгәашә аԥхьа, сандәылҵ саб ихьӡ рҳәан ара дынхома рҳәеит, ааи сҳәеит. Абри Вианор Қацәба иааиашьҭит рҳәан аа-калаҭк аџьықәреи сҩыза Баслахәынтәи иааишьҭит. Иара деибашьуан, аха ҳаргьы ҳаихамышҭит. Абас ҳаицхыраауан, ҳҿаҵа еиҩшаны иаҳфон. Ара инхоз аурысқәагьы ҳрыцхраауан. Дара ирымаз сапынума, даҽакума ҳара иҳамази анеиҭанаҳаԥсахлоз ыҟан. Аџьармыкьахь егьарааны сцахьан ахәҳаахәҭразы. Еиҳарак ҳзыргәаҟуаз – аӡәӡәага, ахаԥыц рыцқьага, ахцәыҿашыга. Иуадаҩын аиура, аха иҳаԥшаауан иахьцалакгьы. Нас, авертолиотқәа аныҟәара ианалага, уахьынтәи иаҳзаарҭиуаз ыҟан. Аԥсҭазаара уадаҩын, аибашьра цон, аха аиашазы агәыӷра ҳаман аиааира ҳгоит ҳәа", - лҳәоит Аида.АҭацагаарашәаЕибашьран, аха зегь акоуп аԥҳәысаагареи ахаҵацареи ртема зынӡагьы иаркымызт Аида ишылҳәо ала. Абар лара илхамышҭуа ахҭыс ссир: "Исгәалашәоит ибзиаӡаны аибашьра нҵәарц акгьы агымкәа аԥҳәысаагара иадҳәалоу ахҭыс. Ажәеи ажәеи еихҳәаало, исҳәарц сҭахуп абри иуль 2 рзы абаржа аныӡхыҵыз имҩаԥгаз аоперациа ашьҭахь Ҭырқәтәылантәи еибашьра иааз Имдаҭ Агәас иҩызцәеи иареи ԥыҭҩык ара иаанхеит. Убарҭ аҩны исыман, ажәыларахь ианымцоз са сҿы иҟан. Аԥсшәа ҳбырҵароуп рҳәан, са стәала арҵаҩра сҽазызскит. Август 28 рыҽны аҩны ҳаштәаз ҳгәыла Баҭал Ԥсардиа иашьа дыҩуа дааит, Баҭал ԥҳәыс дааигоит, аха мама илуам ҳәа. Аҭаца дрыманы идәықәлахьеит иҳәеит. Илымур ауазма ԥҳәыс дааигозар? Аибашьра цоит, иарбан ԥҳәысаагароу лҳәазаап. Аҽшьра далагазаап. Арҭ сыҷкәынцәа Имдаҭраа ҩагылан, уахь ҳдәықәлеит зегьы Баҭал иан днаҳкылоит ҳәа. Аҭаца дааҳамгар ҟалаӡом ҳҳәан ҳдәықәлеит. Одик Џьынџьал дыжәдыруеит усгьы, абра агәыԥ далан, уигьы дыҟан аҽны. Баҭал иан лашҭа ҳанҭала, Одик иаразнак аҭацаагарашәа аацәыригеит. Нас, агәылацәа зегь еизан, аишәа ҳархиеит, аҭацагьы дааргеит. Иахьагьы аӷьараҳәа иҟоуп, рмаҭацәеи дареи еиҵаҩҩы. Аԥҳәыс дызгаз Баҭал иакәзар, ахымш рыҽны апозициахь дцеит еибашьра".Амш хлымӡаахАибашьра аамаҭазы аԥсҭбарақәа рацәан. Уажәы-уажә ахәцәа ааргон, аԥсӡы гон. Аха, иҟоуп хашҭшьа змама ҳәа дара Тҟәарчалаа зегь неибеиԥшны иалыркаауа амш. Аида Чачхалиа абас лҳәоит уи азы: "Тҟәарчалаа ҳзы мацара акәым, зегь рзын еиҳа иуадаҩыз мшын декабр 14 1992 шықәса. Ҳара аҽны иаҳмаҳаӡеит. Аинформациа ҳамаӡамызт. Адырҩаҽны декабр 15 рзы иҳарҳәеит, уи амш ахаан исхашҭуам. Асы еимагыланы иауан. Ҳара ақалақь ҳацәыхараны ҳанхон, хаҵак даан абас иҟалаз иҳәан ажәабжь хлымӡаах – ишьҭыпрааз авертолиот еихсны иҭадархеит ҳәа ҳаиҳәеит. Шьапыла акәын зегь шныҟәоз, асгьы шьҭан. Зегь ҳдәықәлеит ақалақь ахь. Зшьапы инанагоз зегь ҳцеит иҟалаз еилаҳкаарц. Сара ахаан дысхашҭӡом зҭаацәа ҭахаз Баслахәтәи Ҷыҭанаак. Акасеиқәаҵәа ихы иакәыршаны дыҳәҳәон. Иҟалаз цқьа издырамызт, аха агәҩара иоузар акәхап. Цәгьала иаҳхаҳгеит урҭ амшқәа. Нас, зны аԥсыбаҩқәа Тҟәарчалҟа иааргоит ҳәа ҳаларҳәеит. Нас, уа Гәдоуҭа анышә иамардоит рҳәеит. Ажәакала, ахлымӡаах мшқәа ракәын урҭ".Агоспиталь"Сара сашьа гәакьа Гена дқәыԥшӡан усҟан, 20 шықәса даалган аибашьра иалагеит. Абџьаргьы имамызт, аха иԥшаан еибашьра дцеит. Ҩынтәгьы ахәрақәа иоуит, аха лыԥхала далҵит. Саб иашьа иԥацәа, сҩызцәа еибашьуаз рацәаҩын. Усҟан аҭел ҳамаӡамызт, ажәыларақәа аныҟалоз агоспиталь ахь ҳаауан зегьы, аҩны ҳазтәаӡомызт. Убри алаԥшрагьы даара иуадаҩын. Машьынак анааилак ахәцәа ааргеит ҳәа ҳаҩны ҳаԥылон. Зны ахәцәа рацәаҩны иааргеит. Хаҵак дыҩны дхалеит Валераа ҳәа дхәаауа. Иашьа уа дыԥсны дақәзаарын. Уи хашҭшьа амам. Ҳаԥшын иааргода ҳәа. Ус зны, сентиабр мза аҽеҩшамҭазы аӡәы ишиҳәоз саҳаит - Аркади Чачхалиагьы дҭахеит, аха даҳзалымгаӡеит ҳәа. Уи саб иашьа иԥа иакәын, ансамбль "Шьараҭын" аҿы дкәашон. Нас, саахьаҳәын, даҽа знык иҳәеи сҳәеит. Дыбзыҟоума иҳәан, ааи дысзыҟоуп сҳәеит. Нас, исирҳаит ахәы дшалигоз иаргьы иаахан дҭахеит ҳәа. Цагьера дҭахеит Аркади сентиабр 16 рзы. Хымш, ԥшьымш дырзалымгакәа дыҟан. Нас цәгьала далыргеит. Абас ирацәан ҳгәы ҭызшьаауаз", - илгәалаларышәоит аамҭа хьанҭақәа Аида.Уагьзырччо, уагьзырҵәыуоАибашьра ихьанҭаӡоу аамҭоуп аха, сзацәажәоз Чачхалиаԥҳа лгәалашәараҿы инхеит уагьзырччо, уагьзырҵәыуо ахҭысқәа. Аамҭа маҷымкәа ицазаргьы, уажәгьы лгәалашәараҿы иҟоуп урҭ: "Сентиабртәи аоперациа иадҳәалоу хҭыск сгәалашәоит. Ҭырқәтәылатәи сыҷкәынцәа ҳәа сзышьҭоу сҵаҩцәа , еибашьра иахьцаз зегь иреиҵбыз аҟабарда Заиҭ Лигәажьа ахәра ӷәӷәаӡа иоуит. Иԥсы еиқәхоит ҳәа ҳаҟаӡамызт. Ирҳәарахқәа зегь ҟәыбаса иҟан. Дԥырҟеит агоспиталь аҿы. Маврик Чагәаа иоуп дԥызҟаз. Анжела Қәычбериаԥҳаи сареи ҳиазҵааит деиқәхару ҳәа? Иҳалшоз ҟаҳҵеит, егьырахь Анцәа инапы дануп иҳәеит Маврик. Ахәшәтәырҭаҿы абри Заиҭ ҳаихылаԥшуан Анжела, сара, Марина Џьынџьалԥҳа. Изхысҳәаауа, нас далҵуа далагеит аҷкәын. Дшеиқәхоз ҳбан ҳаргәырӷьеит. Ус иҳаларҳәеит агоспиталь еихсраны иҟоуп, ахәцәа асакаса ианҵаны аӷәраҵахь илбаагатәуп ҳәа. Ус иааигәаӡамызт уи аҭыԥ, ҳакәшаны илбааҳгар акәын. Ирацәаҩӡаны ахәцәа шьҭарҵеит уи аӷәраҵаҿы. Абра ҳшыҟаз ихәны ишьҭаз хаҵак дааҟәымҵӡакәа аӷызра далагеит. Ҽеиқәкышьа имамызт уи ахәы. Ус Имдаҭ дааит Заиҭ дшыҟоу збоит ҳәа. Ари иӷызуаз даҟәыҵуамызт, Имдат уи иахь даахьаҳәын – уара ухаҵами уанаџьалбеит, уаангыл уажәшьҭа иҳәеит. Ҳара аччара ҳалагеит. Ани ахәгьы Имдаҭ дааихәаԥшын – ибзиоуп исычҳап иҳәеит..."Аиааира ашьҭыбжьСентиабр мза анҵәамҭахь ианнеи тҟәарчалаа Аиааира ашьҭыбжь раҳауа иалагеит. Дара зеигәыӷуаз ацәаара рбо иҟалеит. Аида лгәалашәараҿы абас иаанхеит урҭ амшқәа : "Аҟәа ахақәиҭтәра амш, мрагыларатәи мраҭашәаратәи афронтқәа реиԥылара уҳәа ажәабжь бзиақәа ҳаҳаит. Иаҳдырит Аиааиара акгьы шагамыз. Ақырҭқәеи агырқәеи иқәҵны ишцоз ҳаҳауан. Сентиабр 30 аҽны агоспиталь аҿы ҳаҟан Заиҭ ҳаихылаԥшуан. Аубых ҷкәын Ерҳан Ҵәлахәагьы ахәра иманы дышьҭан, аха дшәарҭамызт уамак. Сара сцеит иҳәан ддәықәлеит Ерҳан. Егры дцан абираҟ анахадыргылоз дахьӡет. Ажәабжь ҳзеиҭеиҳәеит иара даныгьежь. Гәырӷьаран. Адырҩаҽны Заиҭгьы Гәдоуҭаҟа дыргон, сыҷкәынцәа Имдаҭ иҩызцәеи иареи ракәзар, уахь исыцәцеит. Аиԥырҵра даара иуадаҩын".Х-еихагылакны иҟаз атортАибашьра анеилга 1995 шықәса ноиабр 5 рзы Аида Чачхалиаԥҳаи Ерик Ҷкадуеи рыԥсҭазаара еиларҵеит. Сара слазҵааит ҳәарада, ишԥаҟаз усҟантәи ачара, изеиԥшрааз аҭаца лыҵкы ҳәа. Абар Аида исаҭалкыз: "Тҟәарчалтәи Ателехәаԥшраҿы аус еицаҳуан иаргьы саргьы. Иара аԥсшәа издырӡомызт. Аибашьра аамҭазы Ҭырқәтәылантәи иааз аԥсшәа дбырҵон, саргьы исырҵа иҳәан дырҩагьых арҵаҩра салагеит. Аԥсшәа аҵара ҳалагеит, нас аҭаацәара аԥҵараҿы ҳнеит. Ҳчара еиҵыхны иҟамызт, 40-ҩык раҟара ыҟан. Ашәаҳәара, акәашара, уҳәа алахҿыхра ацын. Аҵкы исшәыз уажәтәи аҭацацәа ртәеиԥш илыԥшаахыз акәмызт. Аҵкы сымамызт, аха абра Тҟәарчал аџьармыкьаҿы снеин, усҟантәи аамаҭа иақәшәоз акостиум аасхәеит. Аторт ҳаман х-еихагылакны иҟаз. Санхәа уи дазҟазан, иаҳзылӡит. Аҭыхымҭақәагьы ҳамоуп, ателехәаԥшраҿы аус ҳуан азы".Аида Чачхалиаԥҳа 2014-2020 шш рзы Тҟәарчал араион ахадас дыҟан. Аидеи Ерики ирааӡеит ҩыџьа аԥацәа. Иара иаамҭанымкәа идунеи иԥсахит аабыкьа. Лыҷкәын аиҳабы дҭаацәароуп, уажәшьҭа дандухахьеит. Иахьа аус луеит "Тҟәарчалтәи агәумантиартә-ааглыхратә коллеџь" аҿы рҵаҩыс. https://sputnik-abkhazia.info/20230715/asuaa-arynba-izyan-asra-iaylon-rimma-kooniaa-lgalasharaa-1046708824.html https://sputnik-abkhazia.info/20230624/azlatsazhasha-amoup-bebiaa-aibashraanti-asha-ryshaala-afilm-aykhra-shyalaz-azy-1046504499.html https://sputnik-abkhazia.info/20230702/asny-aibashrazy-aait-imda-agas-iulti-azhylara-igalairsheit-1046279418.html https://sputnik-abkhazia.info/20230218/alym-agy-zyzaz-zakhar-symsym-iourykh-1044079991.html https://sputnik-abkhazia.info/20220929/1031023767.html Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 2023 Елеонора Коӷониаԥҳа https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg Елеонора Коӷониаԥҳа https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg Ажәабжьқәа ab_AB Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 1920 1080 true 1920 1440 true https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/06/1046747423_60:0:1020:720_1920x0_80_0_0_043dffedb0f878266d65cddca32ce886.jpg 1920 1920 true Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Елеонора Коӷониаԥҳа https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса "Аиааира шаҳгоз азы агәыӷра ҳаман": Аида Чачхалиаԥҳа лгәалашәарақәа 15:00 29.07.2023 (ирҿыцуп: 15:53 29.07.2023) © Foto / Елеонора КоӷониаԥҳаАида Чачхалиа © Foto / Елеонора Коӷониаԥҳа Анапаҵаҩра Елеонора Коӷониаԥҳа материал Ақалақь фырхаҵа Тҟәарчал аблокада иҭакын Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра цонаҵы. Ус шакәызгьы, уи иаланхоз ауааԥсыра аиааира ҟалоит ҳәа агәыӷра рыманы афронт амаҵ азыруан. Аида Чачхалиаԥҳа иахьагьы Тҟәарчал дынхоит, аибашьра аамҭа зегьы убра илхылгеит. Лара илгәалалыршәоит гәыӷрала иҭәыз аибашьра аамаҭазтәи ахҭысқәа. Аибашьра аԥхьа 1970-1980-тәи ашықәсқәа инадыркны тҟәарчалаа есымша агәҭа игылаз ракәын амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы. Аибашьра аԥхьа аԥсуа бираҟ анрыдыркылаз ашьҭахь Аԥсны аҭагылазашьа уадаҩхо иалагеит. "Аидгылара" аофис аартны ирыман аҭыԥантәи апатриотцәа. Даҽакала иаҳҳәозар аилаҭырра ыҟан есымша Тҟәарчал. "Аибашьра ианалагоз исхыҵуан 21 шықәса. Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет салгеит уи ашықәсан. Иун азы аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа ҭины аҩныҟа сааит Тҟәарчалҟа. Аха, ҳанеиԥырҵуаз ҳкурсаа еибаҳҳәеит август 15 рзы Аҟәа ҳаиқәшәарц, иазгәаҳҭарц ҳҵара ахыркәшара. Амза 14 рзы сҩызеи сареи Очамчыра ҳаиқәшәараны ҳаҟан, убри азын автобус снақәтәаны сдәықәлеит. Ҳашнеиуаз абри арацәаҵхҩы ибаҟа ахьгылоу ҳааҩсуаны Славик Дочиеи Валера Когошвилии автобус ааныркылеит (урҭ еибашьуан, рыԥсҭазаара иалҵхьеит). Иахьеиԥш исгәалашәоит, автобус инҭалан - атанкқәа рацәаӡаны Аҟәа аганахь ицеит, аибашьра иалагеит ҳәа ҳаларҳәеит. Сгәы нҭыԥсааит ҳәарада, аибашьра ҟалеит анырҳәа, аха автобус сҭымҵӡакәа сцеит Очамчыраҟа иҟоу збап ҳәа. Очамчыра авокзал аҿы ҳахьнеиз аилаҭырра цоит агырқәа рацәаҩны еилагылан, рбызшәа саҳауамызт, аха ргәы шҭынчымыз еилсыргеит. Аԥсуаагьы еизо иалагеит. Убра ирҳәеит Очамчыра ахада Игор Гәыргәлиа дытҟәаны дшыргаз. Ус Аҟәантәи Тҟәарчалтәи автобус ааит, усҟан аҭелқәа абаҟаз, сҭаацәа агәырҩа иагоит сҳәан сгьежьырц сыӡбеит аҩныҟа. Иара амашьынарныҟәцаҩ ҳиазҵааит иубазеи амҩан ҳәа? Сара исԥымлеит атанкқәа, аха жәабжьны ирҳәеит ирацәаны еишьҭагыланы Аҟәаҟа ишцаз ҳәа ҳаҭеикит. Тҟәарчал саннеи автобус сҭыҵны шьапыла аҩныҟа сдәықәлеит. Асааҭ 12 ҟалон уажәшьҭа, Аԥсуа телехәаԥшра цәырҵын Зураб Аргәын рылаҳәара даҿын Арӡынба иҟаиҵаз ааԥхьара. Аиашазы ауаа ргәы ҭнарҟьеит, аха шәымшәан абааԥс зҳәозгьы ҟалеит". Аԥсны "Аԥсуаа Арӡынба изыҳәан аԥсра иаԥылон": Римма Коӷониаԥҳа лгәалашәарақәа 15 Ԥхынгәы 2023, 17:42 Тҟәарчал аманал ыҟан "Сара Тҟәарчал сыҟан аибашьра нҵәаанӡа. Ишдыру еиԥш, актәи амш инаркны Тҟәарчал аӷа имацәаз иҭакын. Џьара уцо, уаауа иҟамызт, аха ҳаԥсит, ҳанҵәеит ара ҳҭаршьуеит ҳәа агәалаҟазаара ҳамаӡамызт. Раԥхьатәи амшқәа инадыркны аҷкәынцәа рҽеизгара иалагеит, абџьаргьы ыҟамызт ишыжәдыруа еиԥш, аманал ҳзааргон, нас абарҭ аиха кәалаԥқәа ирҭаԥсаны иҟаҳҵон аԥжәаразы ибзиан азы. Тҟәарчал аманал усгьы иҟан, абри аҟаҵашьа ҳдырҵеит аҷкәынцәа. Ажьешьҭ иалхыз аманал зҭаԥсаз ҳманалқәа Ҟарҟарашвили дахыччозаарын, абри ала аԥсуаа ҳиааирц рҭахуп ҳәа. Афронт аҿы Тҟәарчалаа рманал зхы иазырхәоз рацәаҩын, еиҳаракгьы аԥхьатәи амшқәа рзын", - лҳәоит Аида раԥхьатәи амшқәа лгәаларшәо. Аинформациа аҟамзаара Аида Чачхалиаԥҳәа аибашьра аамаҭа дазхәыцуа иазгәалҭоит, афатә-ажәтә, абџьар уҳәа раҵкысгьы, аинформациа аиура ишазгәышьуаз. Аида еиҭалҳәоит дара ажәабжь аилкааразы мҩақәас ирыԥшаауаз: "Нас, Тҟәарчал иалахысуа иалагеит, град уҭахума, Су -25 ала уҭахума. Ҩымз алашара ҳаман, нас уигьы ҳалыхәдаахеит. Тҟәарчал амацәаз иҭакын, афатә-ажәтә азҵаатәгьы ыҟан, аха зегь реиҳа ҳзыргәаҟуаз аинформациа аиура акәын. Аԥсуа телехәаԥшра дара ирҳәоз акәын иаҳәоз, убри аҟынтә уи зынӡа иаҿаҳкӡомызт. Исгәалашәоит убасҟан ҿаҭахьаны ирықәырҵон, абри ҳтелехәаԥшра ҭыҵуа ианыҟало иҟаҳҵаша ҳәа. Тҟәарчалтәи ателехәаԥшра ыҟан, аха уигьы алашара ыҟанаҵ акәын. Урҭгьы аинформациа абри аԥсуа радио иазыӡырҩны акәын ишеиқәдыршәоз. Ҳала ҭраа убри ҳазыԥшын, аха ишԥаҳзыруи? Абри ателербагатә станциа авертолиот аахылан иеихсит. Уи ақырҭқәа рыц иҵаханы иҟан. Иагәыдырҵеит. Нас, зынӡа информациада ҳаанхеит. Усҟан ҳгәы хызҽуаз, аԥсуа радио акәын. Уи ҳазыӡырҩырц азыҳәан, машьынак акуммолиатор ақәхны ҳгәылара убра Маршьанаа нхон арадио рыман, еиҿаԥшьны ҳазыӡырҩуан. Абри аԥсуа радио акәын ԥсеиқәырхагас иҳамаз". Арадио Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Бебиаԥҳа аибашьраантәи ашәҟәқәа рышьаҭала афильм аҭыхра шыҟалаз азы 24 Рашәара 2023, 13:30 Амахәыда каҳуа Аибашьра аамҭазы Тҟәарчал даараӡа ирацәан Очамчыра ариаон ақыҭақәа зегь рҟынтәи инеиз ахҵәацәа. Ақалақьуаа ирылшоз ала урҭ ирыцхраауан. "Урыстәылаҟа, ма Гәдоуҭаҟа ицоз ыҟан авертолиотқәа ирҭаланы. Ара иаанхаз зегьы ус хылаԥшрада аӡәгьы дыҟамызт. Сара исгәалашәоит сҩыза Жанна Гәлуаԥҳа лҭаацәа усҟан ахҵәара рықәшәан ҳа хҿы иааит. Нас, ҳгәылара ҩнык ҭацәын иҩнаҳҵеит. Рыҷкәынцәа еибашьуан, ара итәамызт. Иҳамаз ахәыҷы еиҩаҳшон. Исгәалашәоит ибзианы усҟан ашьақар ыҟаӡамызт азын, ацха хәыҷык налаҵаны аҵәа еилаҳаршуан. Даара агьама бзиан. Амахәыда ӡны иаҳххуан, акаҳуеиԥш иаҳжәуан. Амгьал ҳшәырқашь нахьшьны, ҳмахәыда каҳуа надкыланы ҳаидтәалон. Акаҳуа иаԥшуаз абзиабара атемагьы иазхәыцуан. Иҟан ҳгәылацәа аҭыԥҳацәа уи иазҟазаз. Зегь бзиахоит рҳәон аԥшцәа. Нас, ани ииҳәозеишь ҳәа аҭыԥҳацәа анҵаалкгьы - уи бигоит аибашьра еилгар - лҳәон аԥшҩы алафгьы нацҵаны. Исгәалашәоит зны саб иаҳәшьа лҿы ҳаҟан. Ҳмахәыда каҳуа ақәгылан ашразы. Ижәны ҳаԥшуеит анааҳгәахәуаз хыхьынтә артҟәацгақәа ҳаларыжьит. Тҟәарчалтәи 5-тәи ашкол ааигәара акәын. Агәыԥ "Скарпион" убра иҟан. Цәҟьарас ирыман акырҭқәа убри аҭыԥ азын, атәыла дырбгеит, иақәрыжьӡеит. Аҭабиа рыман уа, ҳмахәыда каҳуа нкажьны ҳаҩны уахь ҳцеит. Ианеилга, ҳандәылҵ ҳкаҳуа ҳзымжәит, избанзар ихәыз ҟалеит. Гамгиа ҷкәынак апозициа аҟынтәи дшаауаз аснариад аҟәырҷаха иаахан дахәит. Ауаа еицхыраауан цәгьала. Исгәалашәоит хәылбыҽхак машьына дук аангылеит ҳгәашә аԥхьа, сандәылҵ саб ихьӡ рҳәан ара дынхома рҳәеит, ааи сҳәеит. Абри Вианор Қацәба иааиашьҭит рҳәан аа-калаҭк аџьықәреи сҩыза Баслахәынтәи иааишьҭит. Иара деибашьуан, аха ҳаргьы ҳаихамышҭит. Абас ҳаицхыраауан, ҳҿаҵа еиҩшаны иаҳфон. Ара инхоз аурысқәагьы ҳрыцхраауан. Дара ирымаз сапынума, даҽакума ҳара иҳамази анеиҭанаҳаԥсахлоз ыҟан. Аџьармыкьахь егьарааны сцахьан ахәҳаахәҭразы. Еиҳарак ҳзыргәаҟуаз – аӡәӡәага, ахаԥыц рыцқьага, ахцәыҿашыга. Иуадаҩын аиура, аха иҳаԥшаауан иахьцалакгьы. Нас, авертолиотқәа аныҟәара ианалага, уахьынтәи иаҳзаарҭиуаз ыҟан. Аԥсҭазаара уадаҩын, аибашьра цон, аха аиашазы агәыӷра ҳаман аиааира ҳгоит ҳәа", - лҳәоит Аида. Аҭацагаарашәа Еибашьран, аха зегь акоуп аԥҳәысаагареи ахаҵацареи ртема зынӡагьы иаркымызт Аида ишылҳәо ала. Абар лара илхамышҭуа ахҭыс ссир: "Исгәалашәоит ибзиаӡаны аибашьра нҵәарц акгьы агымкәа аԥҳәысаагара иадҳәалоу ахҭыс. Ажәеи ажәеи еихҳәаало, исҳәарц сҭахуп абри иуль 2 рзы абаржа аныӡхыҵыз имҩаԥгаз аоперациа ашьҭахь Ҭырқәтәылантәи еибашьра иааз Имдаҭ Агәас иҩызцәеи иареи ԥыҭҩык ара иаанхеит. Убарҭ аҩны исыман, ажәыларахь ианымцоз са сҿы иҟан. Аԥсшәа ҳбырҵароуп рҳәан, са стәала арҵаҩра сҽазызскит. Август 28 рыҽны аҩны ҳаштәаз ҳгәыла Баҭал Ԥсардиа иашьа дыҩуа дааит, Баҭал ԥҳәыс дааигоит, аха мама илуам ҳәа. Аҭаца дрыманы идәықәлахьеит иҳәеит. Илымур ауазма ԥҳәыс дааигозар? Аибашьра цоит, иарбан ԥҳәысаагароу лҳәазаап. Аҽшьра далагазаап. Арҭ сыҷкәынцәа Имдаҭраа ҩагылан, уахь ҳдәықәлеит зегьы Баҭал иан днаҳкылоит ҳәа. Аҭаца дааҳамгар ҟалаӡом ҳҳәан ҳдәықәлеит. Одик Џьынџьал дыжәдыруеит усгьы, абра агәыԥ далан, уигьы дыҟан аҽны. Баҭал иан лашҭа ҳанҭала, Одик иаразнак аҭацаагарашәа аацәыригеит. Нас, агәылацәа зегь еизан, аишәа ҳархиеит, аҭацагьы дааргеит. Иахьагьы аӷьараҳәа иҟоуп, рмаҭацәеи дареи еиҵаҩҩы. Аԥҳәыс дызгаз Баҭал иакәзар, ахымш рыҽны апозициахь дцеит еибашьра". Аԥсны Аԥсны ҳаибашьразы ҳааит: Имдаҭ Агәас иультәи ажәылара игәалаиршәеит 2 Ԥхынгәы 2023, 11:00 Амш хлымӡаах Аибашьра аамаҭазы аԥсҭбарақәа рацәан. Уажәы-уажә ахәцәа ааргон, аԥсӡы гон. Аха, иҟоуп хашҭшьа змама ҳәа дара Тҟәарчалаа зегь неибеиԥшны иалыркаауа амш. Аида Чачхалиа абас лҳәоит уи азы: "Тҟәарчалаа ҳзы мацара акәым, зегь рзын еиҳа иуадаҩыз мшын декабр 14 1992 шықәса. Ҳара аҽны иаҳмаҳаӡеит. Аинформациа ҳамаӡамызт. Адырҩаҽны декабр 15 рзы иҳарҳәеит, уи амш ахаан исхашҭуам. Асы еимагыланы иауан. Ҳара ақалақь ҳацәыхараны ҳанхон, хаҵак даан абас иҟалаз иҳәан ажәабжь хлымӡаах – ишьҭыпрааз авертолиот еихсны иҭадархеит ҳәа ҳаиҳәеит. Шьапыла акәын зегь шныҟәоз, асгьы шьҭан. Зегь ҳдәықәлеит ақалақь ахь. Зшьапы инанагоз зегь ҳцеит иҟалаз еилаҳкаарц. Сара ахаан дысхашҭӡом зҭаацәа ҭахаз Баслахәтәи Ҷыҭанаак. Акасеиқәаҵәа ихы иакәыршаны дыҳәҳәон. Иҟалаз цқьа издырамызт, аха агәҩара иоузар акәхап. Цәгьала иаҳхаҳгеит урҭ амшқәа. Нас, зны аԥсыбаҩқәа Тҟәарчалҟа иааргоит ҳәа ҳаларҳәеит. Нас, уа Гәдоуҭа анышә иамардоит рҳәеит. Ажәакала, ахлымӡаах мшқәа ракәын урҭ". Агоспиталь "Сара сашьа гәакьа Гена дқәыԥшӡан усҟан, 20 шықәса даалган аибашьра иалагеит. Абџьаргьы имамызт, аха иԥшаан еибашьра дцеит. Ҩынтәгьы ахәрақәа иоуит, аха лыԥхала далҵит. Саб иашьа иԥацәа, сҩызцәа еибашьуаз рацәаҩын. Усҟан аҭел ҳамаӡамызт, ажәыларақәа аныҟалоз агоспиталь ахь ҳаауан зегьы, аҩны ҳазтәаӡомызт. Убри алаԥшрагьы даара иуадаҩын. Машьынак анааилак ахәцәа ааргеит ҳәа ҳаҩны ҳаԥылон. Зны ахәцәа рацәаҩны иааргеит. Хаҵак дыҩны дхалеит Валераа ҳәа дхәаауа. Иашьа уа дыԥсны дақәзаарын. Уи хашҭшьа амам. Ҳаԥшын иааргода ҳәа. Ус зны, сентиабр мза аҽеҩшамҭазы аӡәы ишиҳәоз саҳаит - Аркади Чачхалиагьы дҭахеит, аха даҳзалымгаӡеит ҳәа. Уи саб иашьа иԥа иакәын, ансамбль "Шьараҭын" аҿы дкәашон. Нас, саахьаҳәын, даҽа знык иҳәеи сҳәеит. Дыбзыҟоума иҳәан, ааи дысзыҟоуп сҳәеит. Нас, исирҳаит ахәы дшалигоз иаргьы иаахан дҭахеит ҳәа. Цагьера дҭахеит Аркади сентиабр 16 рзы. Хымш, ԥшьымш дырзалымгакәа дыҟан. Нас цәгьала далыргеит. Абас ирацәан ҳгәы ҭызшьаауаз", - илгәалаларышәоит аамҭа хьанҭақәа Аида. "Алым агәы зызҭаз": Захар Сымсым иҭоурых 18 Жәабран 2023, 15:44 Уагьзырччо, уагьзырҵәыуо Аибашьра ихьанҭаӡоу аамҭоуп аха, сзацәажәоз Чачхалиаԥҳа лгәалашәараҿы инхеит уагьзырччо, уагьзырҵәыуо ахҭысқәа. Аамҭа маҷымкәа ицазаргьы, уажәгьы лгәалашәараҿы иҟоуп урҭ: "Сентиабртәи аоперациа иадҳәалоу хҭыск сгәалашәоит. Ҭырқәтәылатәи сыҷкәынцәа ҳәа сзышьҭоу сҵаҩцәа , еибашьра иахьцаз зегь иреиҵбыз аҟабарда Заиҭ Лигәажьа ахәра ӷәӷәаӡа иоуит. Иԥсы еиқәхоит ҳәа ҳаҟаӡамызт. Ирҳәарахқәа зегь ҟәыбаса иҟан. Дԥырҟеит агоспиталь аҿы. Маврик Чагәаа иоуп дԥызҟаз. Анжела Қәычбериаԥҳаи сареи ҳиазҵааит деиқәхару ҳәа? Иҳалшоз ҟаҳҵеит, егьырахь Анцәа инапы дануп иҳәеит Маврик. Ахәшәтәырҭаҿы абри Заиҭ ҳаихылаԥшуан Анжела, сара, Марина Џьынџьалԥҳа. Изхысҳәаауа, нас далҵуа далагеит аҷкәын. Дшеиқәхоз ҳбан ҳаргәырӷьеит. Ус иҳаларҳәеит агоспиталь еихсраны иҟоуп, ахәцәа асакаса ианҵаны аӷәраҵахь илбаагатәуп ҳәа. Ус иааигәаӡамызт уи аҭыԥ, ҳакәшаны илбааҳгар акәын. Ирацәаҩӡаны ахәцәа шьҭарҵеит уи аӷәраҵаҿы. Абра ҳшыҟаз ихәны ишьҭаз хаҵак дааҟәымҵӡакәа аӷызра далагеит. Ҽеиқәкышьа имамызт уи ахәы. Ус Имдаҭ дааит Заиҭ дшыҟоу збоит ҳәа. Ари иӷызуаз даҟәыҵуамызт, Имдат уи иахь даахьаҳәын – уара ухаҵами уанаџьалбеит, уаангыл уажәшьҭа иҳәеит. Ҳара аччара ҳалагеит. Ани ахәгьы Имдаҭ дааихәаԥшын – ибзиоуп исычҳап иҳәеит..." Аиааира ашьҭыбжь Сентиабр мза анҵәамҭахь ианнеи тҟәарчалаа Аиааира ашьҭыбжь раҳауа иалагеит. Дара зеигәыӷуаз ацәаара рбо иҟалеит. Аида лгәалашәараҿы абас иаанхеит урҭ амшқәа : "Аҟәа ахақәиҭтәра амш, мрагыларатәи мраҭашәаратәи афронтқәа реиԥылара уҳәа ажәабжь бзиақәа ҳаҳаит. Иаҳдырит Аиааиара акгьы шагамыз. Ақырҭқәеи агырқәеи иқәҵны ишцоз ҳаҳауан. Сентиабр 30 аҽны агоспиталь аҿы ҳаҟан Заиҭ ҳаихылаԥшуан. Аубых ҷкәын Ерҳан Ҵәлахәагьы ахәра иманы дышьҭан, аха дшәарҭамызт уамак. Сара сцеит иҳәан ддәықәлеит Ерҳан. Егры дцан абираҟ анахадыргылоз дахьӡет. Ажәабжь ҳзеиҭеиҳәеит иара даныгьежь. Гәырӷьаран. Адырҩаҽны Заиҭгьы Гәдоуҭаҟа дыргон, сыҷкәынцәа Имдаҭ иҩызцәеи иареи ракәзар, уахь исыцәцеит. Аиԥырҵра даара иуадаҩын". Аиааира аламҭалаз: Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа Кәыдры ацҳаҿы ишеиԥылаз 29 Цәыббра 2022, 11:05 Х-еихагылакны иҟаз аторт Аибашьра анеилга 1995 шықәса ноиабр 5 рзы Аида Чачхалиаԥҳаи Ерик Ҷкадуеи рыԥсҭазаара еиларҵеит. Сара слазҵааит ҳәарада, ишԥаҟаз усҟантәи ачара, изеиԥшрааз аҭаца лыҵкы ҳәа. Абар Аида исаҭалкыз: "Тҟәарчалтәи Ателехәаԥшраҿы аус еицаҳуан иаргьы саргьы. Иара аԥсшәа издырӡомызт. Аибашьра аамҭазы Ҭырқәтәылантәи иааз аԥсшәа дбырҵон, саргьы исырҵа иҳәан дырҩагьых арҵаҩра салагеит. Аԥсшәа аҵара ҳалагеит, нас аҭаацәара аԥҵараҿы ҳнеит. Ҳчара еиҵыхны иҟамызт, 40-ҩык раҟара ыҟан. Ашәаҳәара, акәашара, уҳәа алахҿыхра ацын. Аҵкы исшәыз уажәтәи аҭацацәа ртәеиԥш илыԥшаахыз акәмызт. Аҵкы сымамызт, аха абра Тҟәарчал аџьармыкьаҿы снеин, усҟантәи аамаҭа иақәшәоз акостиум аасхәеит. Аторт ҳаман х-еихагылакны иҟаз. Санхәа уи дазҟазан, иаҳзылӡит. Аҭыхымҭақәагьы ҳамоуп, ателехәаԥшраҿы аус ҳуан азы". © Foto / Елеонора Коӷониаԥҳа Аида Чачхалиаԥҳа лҭаацәа рыгәҭа 1/4 © Foto / Елеонора Коӷониаԥҳа Аида Чачхалиаԥҳа лҭаацәа рыгәҭа © Foto Аида Чачхалиаԥҳа 2/4 © Foto Аида Чачхалиаԥҳа © Foto / Елеонора Коӷониаԥҳа Аида Чачхалиаԥҳа 3/4 © Foto / Елеонора Коӷониаԥҳа Аида Чачхалиаԥҳа © Foto / Елеонора Коӷониаԥҳа Аида Чачхалиаԥҳа 4/4 © Foto / Елеонора Коӷониаԥҳа Аида Чачхалиаԥҳа 1/4 © Foto / Елеонора Коӷониаԥҳа Аида Чачхалиаԥҳа лҭаацәа рыгәҭа 2/4 © Foto Аида Чачхалиаԥҳа 3/4 © Foto / Елеонора Коӷониаԥҳа Аида Чачхалиаԥҳа 4/4 © Foto / Елеонора Коӷониаԥҳа Аида Чачхалиаԥҳа Аида Чачхалиаԥҳа 2014-2020 шш рзы Тҟәарчал араион ахадас дыҟан. Аидеи Ерики ирааӡеит ҩыџьа аԥацәа. Иара иаамҭанымкәа идунеи иԥсахит аабыкьа. Лыҷкәын аиҳабы дҭаацәароуп, уажәшьҭа дандухахьеит. Иахьа аус луеит "Тҟәарчалтәи агәумантиартә-ааглыхратә коллеџь" аҿы рҵаҩыс.
https://sputnik-abkhazia.info/20230729/aiaaira-shagoz-azy-agyra-aman-aida-chachkhaliaa-lgalasharaa-1046752363.html
2024-03-05T01:23:39Z
<urn:uuid:de3c9a9c-40aa-4d33-873d-15a3841e97fa>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.63
0.96
79
49,351
tlsh:T1272B63239A40CF4FCAB3C459DFD14532ACC1195386667721CEC5F5B616460A8FFFCC139AFAE8069AB49B1161E0A2BB14B549FCEA247E6BD7708200A56D2F39CE138476C6AF
Аҧсабаратә лагылазаара ахьчара амилаҭтә агентра - Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара анормақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоуп 12:08, 11.08.2023 Аԥсабаразы амилаҭтә агентра - Ԥхынгәы 20-30 рзы имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа рылҵшәақәа инрықәыршәаны, Амшын Еиқәа аӡы анорма аҳәаақәа ирыҵанакәеит 10:43, 29.07.2023 Аԥсабаразы амилаҭтә агентра - Ԥхынгәы 16-и 20-и рзы имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа рылҵшәақәа инрықәыршәаны, Амшын еиқәа аӡы анорма аҳәаақәа ирыҵанакәеит 20:17, 20.07.2023 Украина атәылахьчара аминистрра - Ԥхынгәы 21 инаркны Амшын Еиқәала Урыстәыла апортқәеи Украина импыҵахалоу аҵакырадгьылқәеи рхырхарҭала ицо аӷбақәа зегьы Киев арратә шәарҭа аҳасабла азныҟәоит 13:59, 18.07.2023 Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра - Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара еиҭах анорма аҳәаақәа ирыҵанакәеит 13:37, 07.07.2023 Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра - Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара анорма аҳәаақәа ирыҵанакәеит 16:35, 13.04.2023 Дмитри Песков - Амшын Еиқәа ахаан Нато иамшынхом 16:44, 09.01.2023 Амшын еиқәа аӡаҵантәи афымцамҩангагатә цәаҳәа апроект атехника-економикатә ҭҵаара амҩаҧгара амзызла, Қырҭтәыла Адунеи абанк азыҳәамҭа аланаҵоит, $75 миллион адоллар азы заанаҵтәи аиқәшаҳаҭра иҟоуп 13:12, 23.04.2022 Одесса аокругтә арратә администрациа ахаҭарнакцәа ишаарыцҳаз, Ҟрымтәи абаӷәазантә Амшын Еиқәа иҭалеит урыстәылатәи аӡаҵантә ԥшьнышьк 16:56, 31.03.2022 Иенс Столтенберг - Нато азы Амшын Еиқәа астратегиатә ҵакы амоуп, Амшын Еиқәа арегион аҟны алианс иалоу хтәылаки ҩтәыла партниорцәеи ҳамоуп 15:34, 14.12.2021 Қырҭтәыла аҳәаахьчаратә аӷбақәа USS Arleigh Burke-и Амшын Еиқәаҿ азыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргеит 14:13, 13.11.2021 Владимир Путин иажәақәа рыла, Амшын еиқәаҿы НАТО азыҟаҵарақәа Москва агәҭынчымра азцәырнагоит 12:17, 10.11.2021 Амшын Еиқәа аӡымҽхакыраҿ имҩаԥысран иҟоу азыҟаҵарақәа ирыдҳәаланы Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа аланарҵәеит 11:46, 01.11.2021 ЕАШ арратә аӷбеи Нато адгылаҩцәеи апартниорцәеи Амшын Еиқәаҿ аоперациа еицымҩаԥыргоит 11:56, 29.10.2021 Америкатә сенатор - Амшын еиқәа арегион аҿы Урыстәыла ахымҩаҧгашьа, Украинеи Қырҭтәылеи ржәыларагьы уахь иналаҵаны, иара убас, адезинформациа аларҵәареи НАТО адгылаҩцәа ирҧырхагоуп 16:18, 20.10.2021 Урыстәыла Атәылахьчара аминистррра адыррала, урыстәылатәи анырҵәагақәа Амшын еиқәа аханы америкатә анырҵәагақәа мҩаҧыргеит 16:35, 23.06.2021 Урыстәылатәи амедиа – Урыстәыла Амшын еиқәа афлот, Амшын еиқәа аҿы, британиатәи арратә дәыҕба Defender ахырхарҭала агәҽанҵаратә хысра мҩаҧнагеит 11:12, 18.04.2021 Украинаҟны аибарххара афонаҿ, Урыстәыла Амшын еиқәа ашҟа арратә аҕбақәа дәықәнаҵеит 13:37, 19.03.2021 Аконгресс иалагалоу закәанпроект инақәыршәаны, Америка Украина иацхраауеит Амшын еиқәа арегион атәылақәа рҟны аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәараҿы
https://1tv.ge/lang/ab/news_tag/amshmn-eiqa/
2024-02-23T04:33:56Z
<urn:uuid:9c4809a6-788f-480b-8eac-859bad85f3b3>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.7
0.99
27
4,736
tlsh:T1ACFF22A12940CB4BC0B3D2A5CE828D716DC068074225B320CE85F976265506ADFFCD13DE7AD9158FA49B1A02C1697F10550AFDEA74BDFBE3604200E46EBE29ED376436CAEE
Қырҭтәылa аҧсабарахьчареи aқыҭaнхaмҩеи рминистр Оҭар Шьамугиа Қырҭтәыла иҟоу Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ашот Смбатиан диԥылеит. Оҭар Шьамугиа ацҳаражәҳәаҩ аҭыԥ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит. Аибадырратә ҟазшьа змаз аиԥылараҿ аганқәа атәылақәа ирыбжьоу ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәеи ақыҭанхамҩа ахырхарҭала наҟ-наҟтәи аусеицреи ирыхәаԥшит. Оҭар Шьамугиа ишазгәеиҭаз ала, ақыҭанхамҩа ахырхарҭала атәылақәа рыбжьара аусеицуратә меморандум аус адулара иаҿуп. Ашот Смбатиан атәылақәа ашәышықәсақәа ирылагӡаны ирыбжьоу агәыларатә аизыҟазаашьақәа дырзааҭгылан, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа иаҳа́ рырҭбааразы илшо зегь шыҟаиҵо иазгәеиҭеит, АПОЛИТИКА Шәaмaхьтәылa Шьамугиа 5 Еиҧшу АИХқәа ишаарыцҳаз, Шәамахьтәыла аԥыза-министри Азербаиџьан ахадеи Санкт-Петербург аҭынчратә амш аусхәаԥштә ирыхәаԥшит Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рҳәаа аделимитациазы акомиссиа аилатәара абҵара 30 рзы мҩаԥгахоит Жозеп Боррель ишааицҳаз, Евроеидгыла адәныҟатәи аминистрцәа Шәамахьтәыла атәылауаҩтә миссиа азҳара иадгылан, Шәамахьтәылазы авизалиберализациа авариант иахцәажәеит Шәамахьтәыла апарламент Ашьауӷа зин жәларбжьарати аӡбарҭа Римтәи астатут аратификациа азнауит Шәамахьтәыла Атәылахьчара аминистрра адыррала, азербаиџьантәи арбџьармчқәа рхысра амшала ашәамаџь аруаа ахәрақәа роуит АИХқәа рдыррақәа рыла, Ҟарабахнтә Шәамахьтәылаҟа инеихьеит 93 нызқьҩык Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Еревантәи анапхгара агха ду ҟарҵоит, ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа Шәамахьтәылеи Урыстәылеи ирыбжьоу аимадара ҕәҕәа дырбгар рҭахуп, убри ала ртәыла Мраҭашәара агеополитикатә хәмаррақәа ршас иҟарҵоит
https://1tv.ge/lang/ab/news/o%D2%ADar-sh%D1%8Camwgia-shamax%D1%8Ctmla-atcharazhhaui-ashot-smbatian-di%D4%A5mleit/
2024-02-29T17:21:41Z
<urn:uuid:303d67db-735f-4cba-81af-17fef5a23df6>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.98
0.92
0.99
13
2,982
tlsh:T19A9F04512704CE4BC573C06C8E928D352CC159464666B170CEC7F0B06759199DFFCD13ABFAA8184E70CB05A2C152AF152B1AFCEF697EBBD7B15600B52E6E28A8336437C69E
Европейский Союз в действии: работая на благо более безопасной Европы и более стабильного мира (субтитры на абхазском) Один день из жизни наблюдателя (субтитры на абхазском языке) Аимадара English / ქართული / Русский / Ирон / Аҧсуа / հայերեն / Azərbaycan / Ихадоу Ҳара иҳазкны Амандат Амандат Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом.
https://eumm.eu/ab/about_eumm/mandate/
2024-02-22T12:13:54Z
<urn:uuid:73e765cd-18c9-49f9-9e4b-5d0a792029ff>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.8
0.64
0.97
14
2,519
tlsh:T1F008EC515584CB4BC1B3D4A9CA814F346CE2695382117671DD8EB8B21185059EFFCC139ABEE8011BB0EB1911D222BF00690AECDA687DBBE7B04210B16E3E39D9235576C56E
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп. Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org. Алаҳәарақәа Иҟоуп иҿыцу абызшәа: Namibian Sign Language Иахьа Амҽыша, март 3 Згәы ақәкны аус зуа игәҭакқәа ақәҿиара роуеит (Ажәам. 21:5). Хықәкык ықәшәыргыл, нас уи ахықәкы нашәыгӡарц азы хәыҷы-хәыҷла аус адыжәулала. Иҟаҵатәузеи уи азы? Иаҳҳәап, шәара ишәыӡбеит шәырҵаратә ҟазара еиӷьышәтәырц. Ус акәзар, ибзиахон аброшиура «Аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара еиӷьтәла» ахы инаркны аҵыхәанӡа иҭышәҵаар. Анаҩс, аусура амшқәа рзы имҩаԥысуа аиԥылараҿы шәықәгылаанӡа, аԥышәа змоу ажәахәҟаҵаҩ шәыҽшазыҟашәҵаз дазыӡырҩырц шәиҳәа. Уи шәҽахьеиӷьышәтәыша шәеиҳәоит. Аҿаԥыц зҿоу арҵаҩ иеиԥш акәымкәа, имаашьо, насгьы узықәгәыӷыртә иҟоу ауаҩ ихьӡ шәырҳала (2 Кор. 8:22). Ҳәарада, еизҳарҳарц иаҳҭаху ҟазарак иаразнак аизырҳара ҳалымшар ауеит. Аха ҳгәы каҳмыжьлароуп! Дҟалама Тимофеи уаҩ иимбац жәахәҟаҵаҩны, мамзаргьы зеиԥшыҟамыз рҵаҩны? Абиблиаҿы уи аӡбахә ҳәаӡам. Аха агәра ганы ҳаҟазар ауеит Павел ииҭаз алабжьарақәа рыбзоурала Тимофеи аизараҿы идыз аҭакԥхықәрақәа еиҳа еиӷьны рынагӡара шилшаз (2 Тим. 3:10). w22.04 24, абз. 8—11 Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2024 Ашәахьа, март 4 Сара избеит жәа-тәыҩаки быжь-хыки зхагылаз агыгшәыг амшын ишҭыҵуаз (Аат. 13:1). Иаанарԥшуазеи быжь-хык зхагылоу агыгшәыг? Иазгәашәҭ уи алеопард ишеиԥшу, ашьапқәа амшә ашьапқәа ишреиԥшу, асаса алым асаса ишеиԥшу, насгьы жәа-тәыҩак шахагылоу. Иџьоушьаша, Даниил 7-тәи ахаҿы зыӡбахә ҳәоу ԥшь-гыгшәыгкгьы убас ирыхцәажәоит. Аха урҭ злеиҩудырааша ихадоу ҷыдарак ыҟоуп: ашәҟәы Аатра аҿы ус изыхцәажәо гыгшәыгк ауп, ԥшь-гыгшәыгк ракәымкәа. Ус анакәха, уи ҳәынҭқаррак мацара акәӡам иаанарԥшуа. Уи агыгшәыг «биԥарас, милаҭс, жәларыс, бызшәас иҟоу зегьы иара анапы аҵаҟа иҟалеит» (Аат. 13:7). Уи иаанагоит ари агыгшәыг иамоу амчра ҳәынҭқаррак иамазар алшо амчра аасҭа акырӡа ишеиҳау. Убри аҟынтә уи агыгшәыг аҭоурых аҿы ауаа напхгара рзызуаз аҳәынҭқаррақәа зегь аанарԥшуеит (Еккл. 8:9). Уи адагьы, Абиблиаҿы ахыԥхьаӡара жәаба лассы-лассы ихаҭәаау ак аанарԥшуеит. w22.05 9, абз. 6 Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2024 Аҩаша, март 5 Анцәа урҭ рылаӷырӡқәа ирыцқьоит, уаҳа иҟалаӡом аԥсра, агәырҩа, аҵәыуара, ахьаагьы уаҳа иҟалаӡом (Аат. 21:4). Инхалода адгьыл аҿы Анцәа Иаҳра Зқьышықәсатәи анапхгара аан? Зегь раԥхьа иргыланы урҭ Армагеддон аҿы еиқәхо ауааи адунеи ҿыц аҿы ииуа ахәыҷқәеи роуп. Уи адагьы, Аатра 20-тәи ахаҿы иԥсхьоу рыԥсы шҭало атәы ануп (Аат. 20:11—13). Зыԥсы ҭалода? «Ауаа бзиақәа», даҽакала иуҳәозар, иԥсхьоу Анцәа имаҵзуҩцәа, насгьы «ауаа цәгьақәа», даҽакала иуҳәозар, Иегова иӡбахә аилкаара иахьымӡаз (Аус. 24:15; Иоанн 5:28, 29). Аха уи иаанагаӡом Зқьышықәсатәи анапхгара аан ауаа зегьы рыԥсы ҭалоит ҳәа. Иегова имаҵ аура зҭахымыз ауаа рыԥсы ҭеиҵаӡом. Дара уи аҩыза алшара шрымазгьы рхы иадмырхәаӡеит. Убри аҟынтә џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуӡом (Матф. 25:46; 2 Фес. 1:9; Аат. 17:8; 20:15). w22.05 18, абз. 16, 17 Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2024 Бзиала шәаабеит! Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
https://wol.jw.org/ab/wol/h/r358/lp-abk
2024-03-05T15:39:07Z
<urn:uuid:a6787369-19fe-4ab1-bda4-4ddf9a924b66>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[ "associations_religieuses", "religious" ]
abk-Cyrl
0.96
0.87
0.98
15
5,504
tlsh:T1424060B1BB80D78FC6B3D48DDF918931ACD058429363A360CEC5B8B2264609CFBFCC1399FAED1A4A709B5161D122BB10B51AEDE9253E7B9A318200F16D3F79DE175972859E
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 58-тәи араунд иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 58-тәи ара... Иҵегь аҭагалара Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 58-тәи араунд иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит 10:38, 14.07.2023 Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 58-тәи араунд иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит. Аҳәамҭа ишану ала, ҧхынгәы 11 -12 рзы имҩаҧысуаз аиҿцәажәарақәа раан Қырҭтәыла аделегациа анапхгара азиуан адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа. „Аиҿцәажәарақәа раан ақырҭуа делегациа хшыҩзышьҭра хада рзыруит жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа аусхәаҧштә ахадаратә зҵаарақәа, урҭ иреиуп 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы Евроеидгыла абжьацәажәарала аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра ашьаҭала Урыстәыла ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа рынагӡареи ахҵәацәа шәарҭада рыҩныҟақәа рахь рыхынҳәреи ахымҧадара. Иара убас, ақырҭуа делегациа урыстәылатәи ампыҵахалара амшала ашәарҭадареи агуманитартә ҭагылазаашьеи аганахьала иҟоу апроблемақәа ирызку азҵаарақәагьы иқәдыргылеит. Урыстәылеи уи ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәеи рдеструктивтә позициа амшала, ахадаратә зҵаарақәа иреиу азҵааразы – ахҵәацәа рыхынҳәра азҵааразы адискуссиа зымҩаҧымсит. Ари азҵаара алацәажәара ианалагаҵәҟьа, Москвеи, Аҟәеи, Цхинвали ахаҭарнакцәа ари атема аполитикатә ашьаҭа аҭаны, аиҿцәажәарақәа аанрыжьит“ – иануп аҳәамҭаҿы. АПОЛИТИКА Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа Қырҭтәылa aдәныҟaтәи aусқәa рминистррa 3 Еиҧшу Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Украина асуверенитети атерририатә акзаареи хьаҵра змам адгылара азышьақәҳарӷәӷәоит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Алхрақәа ирыцклаҧшуа анаҧшратә миссиа ааҧхьара аҿҳәарақәа арбоуп апланаҿ, аха, рыцҳарас иҟалаз, аполитикатә мчқәак хықәкыла ари азҵаара аполитикатә ашьаҭа арҭар рҭахуп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратә ауаажәларра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Урыстәыла Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаара аилагара иашьҭанеиуа изакәандароу ашьаҿа иақәнаго ахәшьара арҭарц «Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа 2023, Қырҭтәыла – Евроеидгыла алаларазы акандидат-тәылоуп» мҩаҧгахоит ҧхынҷкәын 26-28 рзы Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Румынтәыла апарламент ишьақәнарҕәҕәеит Молдовеи, Украинеи, Қырҭтәылеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи ревропатәи аперспектива иазку арезолиуциа Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Абџьартә аиҿагылараан Ҕаза асектораҿ иҟан ҧшьҩык Қырҭтәыла атәылауаа, уажәазы рыҧшьҩыкгьы ишәарҭам аҭыҧаҿ иҟоуп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Илиа Дарчиашвили иҟны аиҧылараан Ирландиа Сенати апарламенти ахантәаҩцәа иаҵшьны иазгәарҭеит Ирландиа Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалареи ҳтәыла акандидат астатус анашьареи ишадгыло Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Британиа аган аҟынтә аҳәаатә хылаҧшра арҕәҕәареи атранзитаан аҳаирбаҕәазаҿ авизатә режим ашьақәыргылареи иазкны аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишырҳәаз ала, ацҳаражәҳәарҭақәа Саломе Зурабишвили лвизит аиҿкааратә зҵаарақәа аус рыдырулом Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Дмитри Медведев иҟаиҵаз аҳәамҭа ампыҵахаларатә политика анагӡароуп, уи Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи аилагара даҽа ҽазкрак ауп Амш зеиҧшрахо 4° аҩ Қaрҭ Ах 6° аҧшь 10° Авалиута акурс $ USD 2.6525 0.001 € EUR 2.8769 0.007 ₽ RUB 0.02873 0.077 £ GBP 3.3631 0.004 TOP 5 Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит Илиа Дарчиашвили – Агәра ганы ҳаҟоуп жәларбжьаратәи ауаажәларра рпозициа ҕәҕәа ахадаратә ҵакы шамоу Урыстәыла ахатә ҧхықәрақәа нагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагарц азыҳәан Атапанчала ахысразы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионс иҟалеит – #1TVSPORT Қырҭтәыла VS Сербиа Актәи аканал аҿы - итәу "Қарҭтәи аренаҿ" арекордсен Гьаргь Цинцаӡе амҵәышәмпыд аҟынтә днаскьаргоит #1TVSPORT
https://1tv.ge/lang/ab/news/qmr%D2%ADtmla-adnmkhati-awsqa-rministrra-zhenevati-zhlarbzh%D1%8Carati-aitchvtcazharaqa-58-ti-a/
2024-02-27T12:31:04Z
<urn:uuid:93a31168-4d22-4836-9d33-e74cae867b44>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.61
0.96
54
7,697
tlsh:T1E5D96FF15604DB4BC5B3C0688A908D322DD1694B8665B271CFA6F9B0170504DEFFCD13EAFAEC094F709B1816D266BF055A0AFCDA597DBFD7B15200A11E2E38ED33A435869E
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аилазаара дыдирдырит Аҩныҵҟатәи усқәа рминистр Беслан Ҳагба. 15.05.2015 Абарҭ аминуҭқәа рзы Шәача имҩаҧысуеит Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини реиҧылара. Абарҭ аминуҭқәа рзы Шәача имҩаҧысуеит Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини реиҧылара. 14.05.2015 Рауль Ҳаџьымба урыстәылатәи аҵарауаа аҳамҭақәа риҭеит Аҧсны Ахада лаҵарамза 13, 2015 ш. инапы рыҵаиҩит Урыстәыла аҭҵаарадырра иналукааша аусзуҩцәа "Ахьӡ-аҧша" аорден рыҭарази аҳаҭыртә хьӡы раҭәашьарази аусҧҟақәа. 14.05.2015 Владислав Суроков иҟнытә адныҳәаларатә аацҳамҭа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Владислав Сурков Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба 70-шықәсаихыҵра амш инадҳәаланы Рауль Ҳаџьымба дидныҳәалеит. Адныҳәаларатә аацҳамҭаҿы иҳәоуп: «Владислав Григори-иҧа – Аҧсны Афырхаҵоуп, аҧсуа ҳәынҭқарра ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рзы ақәҧара дасимволуп». 14.05.2015 АУСҦҞА “Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәшазы” 14.05.2015 Абыжьбатәи аҟәша Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аилазаара иалгоуп Иахьа Ахада Иусҧҟала Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәша Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аилазаара иалгоуп. Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәша аррамаҵзуҩцәа аштат иалгоуп аиҿкаара-штаттә усмҩаҧгатәқәа хыркәшахаанӡа. 14.05.2015 АУСҦҞА Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр азы 14.05.2015 АУСҦҞА Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҟнытә Лолуа Р.В. ихы иақәиҭтәразы. 14.05.2015 Даҭоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Иахьа Аҧсны Ахада Иусҧҟала Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс даҭоуп Беслан Бадра-иҧа Ҳагба. 14.05.2015 Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини еиҧылараны иҟоуп Уаанӡа имҩаҧгаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны лаҵарамза 15 рзы имҩаҧысраны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини реиҧылара. 13.05.2015 Владислав Арӡынба игәалашәара ахәылҧаз Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны Рауль Ҳаџьымба даҭааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада, иахьатәи аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба игәалашәара иазкны Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысз ахәылҧаз. 12.05.2015 Владислав Арӡынба ибаҟа аартра Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Раҧхьатәи Ахада, аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба ибаҟа Тҟәарчал ақ. аҟны аартра иазкыз ацеремониа далахәын. 12.05.2015 Баграт Шьынқәба имшира Иахьа иазгәарҭоит иналукааша аҧсуа шәҟәыҩҩы, аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аҧсны жәлар рпоет Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба диижьҭеи 98 шықәсаҵра. <="" body=""> 12.05.2015 АРУТИУН ЧАКРИАН ИБИУСТ АҞНЫ АШӘҬ ШЬҬАҴАРА , Рауль Ҳаџьымба ашәҭқәа шьҭаиҵеит Гәмысҭа ақыҭа абжьаратәи ашкол ашҭаҿы иқәыргылоу Асовет Еидгыла Афырхаҵа Арутиун Чакриан ибиуст аҟны. 12.05.2015 ДАҬОУП АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ СТАТИСТИКА АУСБАРҬА АИҲАБЫ Иахьа Аҧсны Ахада Иусҧҟала Аҧсны Аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа аиҳабыс даҭоуп Гогиаҧҳа Кама Алеқсеи-иҧҳа. 10.05.2015 Аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа ЖӘРАР аҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада напхгара ззиуа аделегациа ЖӘРАР (апавилион “Аҧсны”) аҟны 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа Аиааира 70 шықәсахыҵра азгәаҭара иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа ирылахәын. 09.05.2015 Аиааира Ду 70 шықәсахыҵра ахьӡала аконцерт Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахадеи атәымҳәынҭқаррақәа рхадацәеи дрыцны дыҟан «Аиааира Дуӡӡа амҩала» аконцерт аҟны. Уи мҩаҧысит Ашҭа ҟаҧшь аҿы, иагьхнаркәшеит 1941–1945 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира аиубилеи иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа 09.05.2015 Урыстәыла Ахада ихьӡала аныҳәа иадҳәаланы имҩаҧгаз адкылара 09.05.2015 Рауль Ҳаџьымба дрылахәуп Аиааира Ду 70 шықәсахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҿы Аиааира 70 шықәсахыҵра азгәаҭара иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа дрылахәуп.
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2360?print=Y&PAGEN_1=145
2024-02-29T09:51:37Z
<urn:uuid:0b2ddb70-dc7d-4a2b-92dc-f372cb28c380>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.66
1
50
6,710
tlsh:T1A1E173D17C448F4BD1F3D459CFD25A31ADC19D860271B265CD8AF0F00756049EBFDE13ADBAD8169A78EB1612D2237B015A8EEDE524BEAEDB301205913E2F68ED339432809E
Иахьа шәара, аушьҭымҭацәа шәзы игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы. Ҳара иаадыруеит гәырҕьарыла иҭәу ари амш шәгәы хыҭхыҭуа шәшаҧыло, ашкол аҟны аҵара ашықәсқәа зегьы рылаҧш аашәхымгаӡакәа ишышәхылаҧшуаз арҵаҩцәа, урҭ шәҭаацәа реиҧшҵәҟьа шәара шәеихьӡарақәа ишреигәырҕьоз, агәра шыргоз ишәоууа адыррақәа шәаҧхьаҟа шәзанааҭ мҩа алхраҿы ишшәыцхраауаз. Ишәхашәмыршҭлан, шәахьыҟазаалак урҭ шәара шәзы иҟарҵаз! Иахьа ҳара ҳтәыла шьаҿа-шьаҿала аҿиара амҩа иануп. Ихацыркхаз апроцессқәа қәҿиарала анагӡара зылшо зҵариура ҳараку, азыҟаҵара бзиа змоу ауаажәларра роуп ҳәа иҳаҧхьаӡоит ҳара. Ҳара ҳажәлар роуп ҳаҧхьаҟагьы ҳзықәгәыҕуа. Шәара, ҿыц игыло абиҧара ишәылшо зегьы ҟашәҵароуп ишәоууа адыррақәа Ҳаҧсадгьыл хәарҭас иаиурц азы. Ишәзеиҕьасшьоит анасыҧ, аманшәалара, аихьӡара дуқәа! Мҩамш шәықәлааит! Рауль Ҳаџьымба Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2213/
2024-02-29T07:19:25Z
<urn:uuid:b9346c40-3172-4244-a0b0-81a101104369>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.84
0.83
0.95
12
2,341
tlsh:T107A829416B80978BD673C49DCB808F3468D51945476676A0CECAF8B65295088EFFCD13EAE7F5154AB1E31471D171BF246819ECDA28BE96D3704281622C3FBDCC23A935C16E
Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Ихaдоу Ажәaбжь ҿыцқәa Ауaaжәлaррa Аилыркaaрa Амультимедиa Акультурa Аспорт Асоветтә репрессиақәа Акоронавирус 14ГБ GEO APS RUS To See This Web Page You Need Java Script!!! Аилыркaaрa Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Автор: Нино Ҭолорaиa 20:09 / 14.10.2021 Share Акоронавирус ахәбатәи ацәқәырҧеи аӡынтә сезони ҳанрызҧшу аамҭазы, атәылаҿы авакцинациа есымшатәиарбага лаҟәхеит. Нанҳәазы, инақәыршәаны, 20-30 нызқьҩыкалаҵақәа ҟарҵон, аха, уажәы абри арбага 4-9 нызқьҩыкаҟынӡа илаҟәит. Атәылаҿы уажәгьы есымша жәаҩыла ауаа иҧсуеит. Агәабзиарахьчара аусхкы ахаҭарнакцәаишырҳәаз ала, аҭагылазаашьа абас инагӡахар, анеҩстәиамзақәа даараӡа иуадаҩхоит. Ақыҭақәа рҿы алаҵақәа рыҟаҵара апунктқәа еиҿкаауп, ауааалаҵа аҟаҵара аганахьала уадаҩрак рымам, автобус аҿгьыалаҵа аҟаҵара рыдаргалоит, авакцинациа иахысыз ауаа рзыалотереиагьы дырхәмаруеит, аха, лабҿаба иубарҭоуп абриаҽазышәарагьы алҵшәа шахылымҵыз. Авакцинациа арбага Гыртәыла арегион аҿы Жьҭаара 7 рзы иҟоу адыррақәа рыла, Гыртәыла – АҩадатәиШәантәыла арегион аҿы зынӡа алаҵақәа ҟарҵахьеит 116 499 ҩык атәылауаа. Урҭ рҟынтә 63 156ҩык дозакҟарҵахьеит, 53 343ҩык авакцинациа наӡа иахысхьеит. Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр аҭыҧантәиахаҭарнакраҿы "Лаивпресс" акорреспондент ишларҳәаз ала,дара хықәкыс ирымоуп 18 шықәса еиҳаны изхыҵуаауааҧсыра рҟынтә 60%, зынӡа 140 979ҩык атәылауааалаҵақәа рзыҟаҵара: "Абри ахықәкы ҳзынагӡар бзиоуп, дозак ҟарҵахьеит 44,8%ауааҧсыра, аҩ-дозак ҟарҵахьеит 37,8%. Аха, зықәра наӡоуауааҧсыра рхыҧхьаӡа инақәыршәаны иаҳҳәозар, зынӡа -234 965ҩык роуп иҟоу, урҭ рҟынтә дозак ҟарҵахьеит 26,9%, ҩ-дозак 22,7%". Алаҵақәа рыҟаҵара арбага маҷхеит Рухтәи аковидклиникааҿгьы, уаҟа алаҵақәа ҟарҵоит импыҵахалоу Аҧснынтәиаауа ауааҧсыра. Ахәышәтәырҭа аклиникатә директор Леван Ҧсутури ишиҳәаз ала, ҧаса ҽнакала 500-600ҩык алаҵақәа ҟарҵон, уажәы абри арбага 100-130ҩык аҟынӡаилаҟәит. Аҳақьым иажәақәа рыла, ахәышәтәырҭашҟаинанаго ачымазаҩцәа реиҳара алаҵақәа ҟарымҵацт,мамзаргьы, дозак ауп иҟарҵахьоу. Авакцинациа наӡаиахысхьоу ачымазаҩцәа, аҳақьымцәа рхылаҧшрала аҩнырҽырыхәшәтәуеит, ахәышәтәырҭашҟа рнагара ахымҧадараиҟам. Ҧсутури игәаанагарала, апандемиа аҵархаразыавакцинациа ада уаҳа мҩак иҟам, мамзар, иара ишиҳәаз ала, иҵегьы имаҷымкәа ауаа абри авирус иалаӡоит. Алаҵа ҟазҵар зҭаху ауаа змаҷхеи? Агәабзиарахьчара азҵаарақәа рзы аексперт Акаки Зоиӡеигәаанагарала, 2020 шықәса ҧхынҷкәын инаркны,апандемиа аҿагыларазы авакцинациа зегьы иреиҕьу мҩоупҳәа изыҧхьаӡоз, мамзаргьы, зҵаарақәак змаз, нас, аҭаканроуа алаҵа ҟазҵаз, иара убас, авакцина "Пфаизер"иазыҧшыз ауаа уаҳа иаанымхазар ҟалап. Аексперт ишиҳәазала, иахьазы, алаҵақәа ҟазҵо ауаа маҷуп, уи есымшатәиарбагақәа рылагьы иубарҭоуп. Агәабзиарахьчара аексперт, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаареи ЕАР Ахәыҷтәы фонди ауаа авакцинациа ишазныҟәо еилыркаарц азыҳәан хынтә еицымҩаҧыргаз ауаажәларратә ҭҵаарақәа дырзааҭгылеит. Ишеилкаахаз ала, авакцинациа иаҿагылоугьы, уи агәра зымгогьы, авакцинациа иақәшаҳаҭугьы ауаа рхыҧхьаӡара аҽамҧсахит, убри аҟынтә, абра амзыз заҵәык ҳалацәажәар ҳалшоит - ауааҧсыра рҟны алҵшәа зхылҵша, иахәҭоу аимадара иҟамызт. Акаки Зоиӡе ишиҳәаз ала, атәылашҟа авакцинақәа ааргаанӡа, атәыла анапхгара абри аамҭа адезинформациеи амифқәеи раҧыхразы рхы иадырхәар акәын. Аха, уи ҟамлеит. Антиваксерцәа, абри аинформациатә вакуум қәҿиарала рхы иадырхәит. Иара иажәақәа рыла, атәыла анапхгара, зыҧсы ҭоу аимадара инаркны, онлаин платформа ахархәара аҟынӡа, ауаа аинформациа рызҭо, ауаа зыгәра рго ауааҧсыреи аинститутқәеи рыцырхрааны, ауаажәларратә сигментқәа зегьы рхы иадырхәар акәын. Аетникатә аиҵара, дара рбызшәала аинформациа наӡа рыдаргалар акәын. Агәабзиарахьчара аексперт ишиҳәаз ала, ақыҭақәа рҿы авакцинациазы автобусқәа рхархәара, амарафон,аҳақьымцәа рыдгылара, уҳәа, абарҭ ауснагӡатәқәа зегьы заанаҵы имҩаҧгатәын. Иара убас, алаҵа аҟаҵаразы аҭак зыҧхықәу амедперсонал ирҿыцу адыррақәа рыҭатәын,алаҵа аҟаҵаразы инеиз ауааҧсыра еиуеиҧшым иҵаҵгәыдоу амзызқәа рыла шьҭахьҟа идәықәрымҵаларц азыҳәан. Акаки Зоиӡе игәаанагарала, иахьазы аҭагылазаашьа ариашаразы мҩазаҵәык ауп иҟоу, ауаа аҩныҟа рызнеиреи аҭыҧаҿы алаҵақәа рзыҟаҵареи, аполитикцәа дара рмессиџьқәа ауаа ишрызнарго еиҧшҵәҟьа. "Ауаа аилыркаарақәа раҳҭароуп, агәра ргаратәы иҟаҳҵароуп,абри алшара аҵыхәанӡа ҳхы иаҳархәароуп, аҭаацәара цыҧхьаӡа ҳрызнеироуп, рызҵаарақәа аҭак раҳҭароуп,авакцинациа хырҳагас иамоу, ишшәарҭам, алаҵа дареи рааигәара иҟоу ауааҧсыреи ачымазаҩхареи аҧсреи аҟынтә ишахьчо раҳҳәароуп. Абри еиҳау аргументк иҟоума? Адунеи аҿы иарбан чымазаразаалак, уи аҿагыларазы абри еиҕьу ахәшә ҟарымҵацт, уи 90%-ла ачымазара ахьанҭахареи аҧсреи аҟынтә ҳахьчоит", - иҳәеит Акаки Зоиӡе "Лаивпресс" акорреспондент данлацәажәоз. Агәабзиарахьчара аексперт игәаанагарала, авакцинациа апроцесс арлахҿыхразы иҧиам адцалара аметод ахархәара иахәҭоуп, уи ала иазҧхьагәаҭоуп алаҵа ҟазымҵаз ауаа еиуеиҧшым асервисқәа рхархәара аан адискомфорт рзаҧҵара, иаҳҳәап, аресторан ма даҽа ҭыҧк ашҟа ианнеиуа. Егьырҭ атәылақәа рҿы ишыҟарҵо еиҧшҵәҟьа. Аллерголог-иммунолог Биӡина Кулумбегов иҳәамҭала,авакцина иақәшаҳаҭым ауааҧсыра, авакцинациа апроцесс мап анацәыркәа, лассы-лассы Израиль аҿырҧштәы ҳзааргоит. Уаагьы акоронавирус аҿкаареи аҧсҭбареи арбагақәа дууп ҳәа рҳәоит. "Абри аганахьала Израиль уажәшьҭа иҿырҧшыгам. Адунеиаҿы авакцинациа амҽхак аганахьала Израиль иаҧысызатәылақәа рацәоуп. Акоуп лабҿаба иубарҭоу, ауааҧсыра70% еиҳаны алаҵақәа ахьыҟарҵаз атәылаҿы ҳәарадаапандемиа хыркәшоуп", - иҳәеит Кулумбегов. Атәыла анапхгара рпланқәа Қырҭтәыла иахьагьы есымша 2 нызқьҩык ауааҧсыраиреиҳаны акоронавирус ҿыркаауеит. Жәаҩыла ауаа иҧсуеит,аха, астатистика алацәажәара ҳаҟәыҵыргьы, абарҭ афактқәазегьы ауааҧсыреи урҭ рҭаацәарақәеи ирыдҳәалоуп. Астатистика еиҕьхап ҳәа макьана аӡәгьы дгәыҕуам. Аӡынра ҳҭагылоит, насгьы, ахәбатәи ацәқәырҧа ҟалоит ҳәаагәҽанҵара ҳарҭеит. Аҳақьымцәа уажәгьы ҧсеивгаракрымамкәа аус руеит. Агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниаишылҳәаз ала, авакцинациа апроцесс арлахҿыхра амзызла,иаҳа ирацәаны амобилтә гәыҧқәа еиҿкааны, ауаажәларратәҭыҧқәа рҿы ауаа алаҵа аҟаҵара рыдгалара ргәы иҭоуп. Иараубас, 60 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсыра алаҵашыҟаҵатәу агәра дзырго аҭаацәаратә ҳақьымцәеиамедиеҳәшьцәеи аџьаусҧса рзацырҵоит. Аамҭакала,жьҭаара агәҭаны, атәыла зехьынџьара, анхарҭатә пунктқәарҿы, аиммунизациа амарафон, амчыбжь мҩаҧысроуп. Атәыла анапхгара, ашықәс анҵәамҭанӡа, зықәра наӡоу ауааҧсыра 60% алаҵақәа рзыҟаҵара хықәкыс ирымоуп,абри ахықәкы нарыгӡарцаз, есымша 30 нызқьҩык атәылауаа алаҵа ҟарҵароуп. Знызаҵәык ауп Қырҭтәыла ҽнакала абри аҟара ауааҧсыра алаҵақәа аныҟарҵа - нанҳәамзазы. Цәыббра агәҭаны арбага алаҟәхара иалаган, уажәазы,есымша алаҵа ҟазҵо ауаа рхыҧхьаӡара 10 нызқьҩык аҟынӡа икаҳаит. Нино Ҭолорaиa Нино Ҭолораиа Лаивпресс аҿы журналистс дыҟоуп 2011 шықәса инаркны. Аполитикеи, ауаҩытәыҩса изинқәеи, акультуреи, аспорти азҵаарақәеи егьырҭ ахҭысқәеи аалырҧшуеит. Қырҭтәыла ажурналистикатә етика ахартиа далахәып. Ари aмaтериaлқәa 16:34 / 23.07.2021 Иааиуа амшқәа рзы иаҳа ирацәаны ахәыҷқәа ашәыхәтәырҭа рҭаххар ҟалап, уи еиҧш ашәарҭара иҟоуп - Иуане Чхаиӡе Аилыркaaрa Акоронавирус Дельта аштамм аларҵәара ианалага ашьҭахь,адунеи зехьынџьара авирус 11:39 / 14.07.2021 Аҧсуа аҵаҩцәа рзы - Аҧсуа школқәа Қарҭ икьыҧхьу ашәҟәы ала аҵара иалагар ҟалап Аилыркaaрa Сынтәа аҧсуа школқәа арҵагашәҟәы ҿыц ала ахәыҷқәа аҧсуа бызшәеи алитературеи 00:12 / 11.07.2021 Аҵара аиуразы ампыҵахалара иалсны ицо амҩа цәгьа - Галтәи абитуриентцәа ргәазыҳәара Аилыркaaрa Хышықәса ҵуеит импыҵахалоу Аҧсны иқәынхоабитуриентцәа Жәыргьыҭҟа 09:31 / 25.06.2021 Егры нхыҵ инхо ауааҧсыра алаҵа ҟарҵарцаз, Жәыргьыҭ агәҭангьы акабинет рзаадыртуеит - аҳәынҭқарра ахаҭарнак иҟны аинтервиу Аилыркaaрa Ҧхынгәы инаркны атәылаҿы аиммунизациа апроцесс дырласырц Архив Аилыркaaрa Акоронавирус Апопулиaртә Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Асоветтә репрессиақәа Ажәaбжь ҿыцқәa 11:02 / 23 Нaнҳәa Иракли Ҕарибашвили Ҟрымтәи аплатформа алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, 11:15 / 12 Нaнҳәa Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, хымчыбжь аҿҳәарала аҧкрақәак шьақәгылазаауеит Қырҭтәылагьы, адунеи аҿгьы аепидемиологиатә 12:48 / 08 Жьҭaaрa USAID-Қырҭтәыла Аҧсны иарҭеит акоронавирус аҽыхьчаратә тестқәеи адиагностикатә хархәагақәеи USAID/Қырҭтәыла Аҧсны иҟоу ахәышәтәырҭақәеи 12:44 / 08 Жьҭaaрa Чхороҵҟутәи арҵаҩы амилаҭтә ҳамҭа лоуит 2020 шықәсазы арҵаҩы имилаҭтә ҳамҭа лоуит Амультимедиa „Чеми морду“ - зықәрахь инеихьоу ауааҧсыра рзы арегион аҿы иаадыртыз раҧхьатәи ацентр аус ишауа [афото] Ахәмарраҿы зегьы раасҭа сманшәалоуп, еснагь аиааира згоит, - Ашколахь асабрадала - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит [афото] Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа, Аҭынчраҿ амузыка абжьы ахьуаҳауа „Афольклор аҩны“ [афото] Знык адамхаргьы, Жәыргьыҭ Ҭамар Авакцинациа автобус аҿы [афото] Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо „Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы [афото] 74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала Акультурa Аинтерес аҵаҵаны акарантин мҩаҧызго жәыргьыҭтәи амузыкант [афото] Covid-19 аҿагылара инамаданы имҩаҧгаз адунеитә концерт аҿы еицциз ақырҭуа аиаҳәшьцәа ашәа рҳәеит [авидео] Аҩычагаҿы иаарҧшу ашәануатә бзиабара аҭоурых [афото] Аспорт Наҭиа Гаделиа - Адунеи ачемпионс дҟалеит [афото] Аҳәса рспорт акәӡам ҳәа аҳәара иаҿын, сара маӡала азыҟаҵарашҟа сцон - амилаҭтә аизга иалоу Хобитәи аӡҕаб Европаҿы аҧхьахәқәа згаз жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа [афото] Абашатәи аӡиудоистӡҕаб Европа ачемпионс дҟалеит Жәыргьыҭтәи aштaнгист Европa aчемпионaт aҿы aџьaзтә медaл иоуит Хобтәи aқәҧaҩ aдунеи чемпионс дҟaлеит Аилыркaaрa Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Иааиуа амшқәа рзы иаҳа ирацәаны ахәыҷқәа ашәыхәтәырҭа рҭаххар ҟалап, уи еиҧш ашәарҭара иҟоуп - Иуане Чхаиӡе
https://www.livepress.ge/ap/aaa/article/41170-2021-10-14-16-22-07.html
2024-02-28T19:32:39Z
<urn:uuid:bcd17105-194d-42b1-a6e1-4955a57741da>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
0.87
0.98
75
18,354
tlsh:T104B720829A40CB4FC6B3C55CDA918E352CD168074723B261CEC9F4B1128105DEFFCD13A9EEF80A4EA0DB1512D161BF14294AFCEA297DBAE7604240A16D3F78DD27A836D5AE
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект «Ақәранҵыра» 100ш. инареиҳаны инызҵыз абыргцәа ирызкуп. Асоциалтә Аҧсуара «Ақәранҵыра» Инарҭбааны 16/09 2016 Аҧсуа бызшәа аҵаразы хәыда-ҧсадатәи акурсқәа аартуп Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аҧшьгарала, арҵаратә центр "Академиа" аҟны иаартуп аҧсуа бызшәа арҵаразы хәыда-ҧсадатәи акурсқәа. "Ас еиҧш иҟоу апроектқәа, хымҧада, аҧсуа бызшәа аҵареи, аҿиареи, ахьчареи ацхыраара рынаҭоит. Аҧхьаҟагьы ари аус ҷыдала ахаҵгылара аҳҭоит"-ҳәа азгәеиҭеит афонд ахада Сенер Гогәуа. Аҧсуа бызшәа арҵара иазку акурсқәа раартра, ҳауаажәлар рыҩныҵҟа аинтерес ду цәырнагеит. Анаҩсгьы, афонд хықәкыс иамоуп абызшәа аҿиара иазку егьырҭ апроектқәа рынагӡара. Акультуреи Аҵарадырреи Аҧсуара Инарҭбааны 20/07 2016 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа Аҧсны абыргцәа рхеилак аиҳабы Аполлон Шьынқәба иҭааит. Аҧсны Афырхаҵа - Аполлон Шьынқәба, ҳтәылаҿы деицырдыруеит зыхьӡ нагоу, зажәа акрыҧхылнадо уаҩык иаҳасаб ала. Иара иџьабаа рацәоуп аҧсуа милаҭ-хақәиҭратә қәҧара аус аҟны. Активла дрылахәуп аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усқәа. Аҧсуара Инарҭбааны 12/07 2016 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнак Оқтаи Ҷкотуа, аҧсуаразы игәаанагарақәак ҳацеиҩишеит. «Ҭырқәтәыла ҧсыуа ҭаҳмадак иҳәоны саҳаит, убра аҧсуара иаҵанакуа зегьы агәылоуп ҳәа сгәы иаанагоит: «Уаҧсыуоума, уҧсы сара сзы иумоума, саҧсыуоуп- сыҧсы уара узы исымоуп». Ауаҩҧсы иара ихы аасҭа, ивагылоу дрызхәыцыр, бзиа ибар, пату рықәиҵар, убарҭгьы ҳара ҳаиҧш рхы ныҟәыргар, иарбанзаалак аимак-аиҿак ҟалаӡом. Ус анакәха, абри ажәа ҳазхәыцып, иара аҧсуара ахаҭаҧсаҭа абри ауп ҳәа сгәы иаанагоит. Бзиа ҳаибабар, ҳаихӡыӡаар, ҳаилибаакар, ишахәҭоу ала ҳаицәажәар, усҟан иахьа иҳамоу ауадаҩра хәыҷқәа ҳариааиуеит. Аҧсуара Инарҭбааны 04/07 2016 Гәылрыҧшь араион Бабышьра ақыҭа инхо Дочиа Илиа Шәлиман-иҧа 100 шықәса ихыҵит. Аҧсуаа еснагь ражәа иалоуп «Аҧсуа иқәра ду нуҵааит», «Аиҳабы дызмам Анцәа димам» ҳәа. Ԥсабарала иуаҩы аамысҭашәоу, ауаҩ нага ҳәа ззырҳәо Илиа Шәлиман-иҧа 100 шықәса ихыҵит. Уи аҳаҭыр азы «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа Нугзар Логәуа, Оқтаи Ҷкотуа, Демиан Гогәуа, Мџьыҭ Гогәуа абырг аҳамҭақәа рыманы изнеит. Ҳәарада, ари ахҭыс иара гәахәала идикылеит. Агәамч-агәабзиара изеиӷьаршьеит. Аҧсуара «Ақәранҵыра» Инарҭбааны 10/06 2016 116 ш. зхыҵуа Нуца Думаа, «Жәларбжьартәи афонд Аҧсны» аҳамҭа ланаршьеит. Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа, Очамчыра араион Мықә ақыҭа инхо, 116 ш. зхыҵуа абырг, Нуца Константин-иҧҳа, аҳамҭақәа рыманы лҭаацәа ирҭааит. Нуца Адлеиба-Думаа, аҩнаҭа аҧшәма ҧҳәыс Клара Думааҧҳа лан лоуп. Абар, уажәшьҭа 20 ш. инареиҳауп лыҧҳа лҟны дынхоижьҭеи. Нуца Константин-иҧҳа диит иҳаҩсыз ашәышықәса алагамҭазы, Жәабран 15, 1900ш. азы. Ааи, лара 116ш. лхыҵуеит. Уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит лдокументқәа. Аҧсны инхо, қәрала зегьы иреиҳабу лакәны аофициалла иҧхьаӡоуп. Аҧсуара «Ақәранҵыра» Инарҭбааны 11/04 2016 Ауаажәларратә усзуҩ Нугзар Ашәба, аҧсуа қьабзқәа реиқәырхазы игәаанагара. Ҳара изаҳҭахузеи аҳәынҭқарра? Изаҳҭаху акызаҵәык ауп: ҳажәлари, ҳҳәынҭқарреи, ҳбызшәеи, ҳкультуреи, даҽакы иаламҩашьо ҳмилаҭ ахаҿреи еиқәҳархарц. Амал, даҽа ҳәынҭқаррак аҿгьы арҳара алшоит. Аҧсуа жәлар иӷәӷәоу аҳәынҭқарра рымазароуп. Лассы-лассы иалацәажәалатәуп аҧсуара ицәырнаго азҵаарақәа. Уи ажәлар ирыларҵәалатәуп. Уахи ҽни ҳаиҳабацәа, ҳанацәа, ҳабацәа иныҟәыргоз, иаҳцәыӡқәаз, ажәытәра иагақәаз ыҟоуп. Ииашоуп, аҧсҭазаара ҧхьаҟа ицоит, ҳацныҟәароуп. Аха, иҳамоу аихаҳара ҳалҳаршароуп, ацәқәырҧақәа ҳаҽрыҳамҭароуп. Аҧсуара Инарҭбааны 07/04 2016 Аҧсны Жәлар реизара аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Емма Гамсаниаҧҳа, адемографиазы лгәаанагара Азакәанҭҵаара аганахь ала исҳәарц исҭаху, еиуеиҧшым аамҭақәа рзы, хырхарҭа рацәала иҳадаҳкылаз азакуанқәа ыҟоуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы, адемографиа аганахь ала иҳадаҳкылеит азакуан «Ани ахшареи рзинқәа рыхьчара, урҭ рыцхыраара». Ари азҵаара, еиуеиҧшым агәаанагарақәагьы цәырнагеит ҳҳәынҭқарраҿы. Азакуан, зны аус ианаҧырхагоу ыҟоуп, зны иара ашҟа уанхьанарҧшуа ыҟоуп. Иагыу иабзоу ыҟазаргьы, ҳахшыҩқәа еилаҵаны иҳариашаша азҵаарақәа рацәаӡоуп, аҧхьаҟа иҵегьы имҩақәҵатәуп, иҭҵаатәуп. Адемографиа азҵаара иазҿлымҳам уаҩ дыҟоуп ҳәа сыҟаӡам иахьа. Уи даара ихьаа дуны иҳамоуп зегьы. Аҧсуара Инарҭбааны 07/04 2016 Аҧсны аҳәынҭқарра ахада абызшәатә политиказы ицхырааҩ Ҭали Џьапуаҧҳа, аҧсуа бызшәазы лгәаанагара. Иаашаҵәҟьаны,ҳажәлар рдуӡӡара ирацәаӡаны иаадырҧшхьеит. Иахьатәи ҳҭагылазаашьа, иҳамоу ҳхатә ҳәынҭқарра, ҳхақәиҭреи, ҳхьыҧшымреи ирҿахәҳәагоуп. Адемографиеи Арепатриациеи Акультуреи Аҵарадырреи Аҧсуара Инарҭбааны 24/03 2016 Аҧсуара атемала имҩаҧысит Астол гьежь: «Ҳазҭагылоу аамҭа, аҵас, ақьабз» Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Аҟәа ақалақь, асасааирҭа Атриум-Викториа аконференц зал аҟны имҩаҧысит аҧсуара атемала Астол гьежь: «Ҳазҭагылоу аамҭа, аҵас, ақьабз». Уи рхы аладырхәит, ауаажәларратәи-аполитикатәи усзуцәа, Аҧсны Жәлар реизара адепутатцәа, аҵарауаа.
http://fondapsny.org/ab/proekty/apsuara
2024-02-21T12:29:46Z
<urn:uuid:27063c05-9a5d-47a1-bb77-a11ef4a514b0>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
1
0.99
25
8,931
tlsh:T10489BE029D80CB4BEAF3C549DB818A356CD0694743737221CEC9B4B612850A9FEFDD13A5EAE80609B4EF1122D161BE11694AECF96ABEBEE3314310913D3F79DD275432D19E
Москва, ахәашаҽны имҩаҧысит Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Ашәарҭадаратә Хеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Медведеви реиҧылара. Д. Медведев Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра азханаҵеижьҭеи 15 ш. ахыҵра арыцхә идиныҳәалеит, изеиӷьеишьеит аҭынчра, аизҳазыӷьара, ақәҿиарақәа! «Гәык-ҧсык ала бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит. Акрызҵазкуа арыцхә ааигәахоит - Урыстәыла Алада Уаҧстәылеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи рхьыҧшымра азханаҵеижьҭеи 15 ш. ҵит. 2008 ш. рзы Урыстәыла иаднакылаз ари азыӡба мариамыз, аха уи Кавказ аҭынxра шьақәнаргылеит, ареспубликақәа рыҟны атәылауаа рыҧсҭазаареи ргәабзиареи hsхьчара алнаршеит. Уи нахыс ҳаизыҟазаашьақәа қәҿиарала аҿиара иаҿуп, аиҩызаратә, аусеицуратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп, хымҧада урҭ аҧхьаҟагьы ирыцҵахоит. Сара исҭахуп шәтәылауаа ироуз ахьыҧшымра рыдысныҳәаларц, усҟан жәларбжьаратәи азинқәа рсубиектқәа рышьақәгылара, хаҭала шәареи шәыуаажәлари ирзеиӷьасшьарц аихьӡарақәа. Ишәыдысныҳәалоит аҵак ду змоу ари арыцхә»,- иҳәеит Медведев. Аслан Бжьаниа Урыстәыла анапхгареи хаҭала Дмитри Анатоли-иҧеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит абас еиҧш илахьынҵаӡбагоу аӡбамҭа ахьрыдыркылаз азы. «Шәара ҳҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵарала аҧсуа ҳәынҭқарра аҿиараҟны алагала ду ҟашәҵеит,. Убри алагьы Аҧсны аҭынчра ашьақәыргылара алыршахеит. Шәара ибзианы ижәдыруеит, 1993 ш. инаркны 2008 ш.-нӡа Аҧсны, Гал араион аҟны атерактқәа ирхырҟьаны ишҭахаз шәҩыла ҳтәылауаа, уи зегьы аанкылоуп, аҳәаа рӷәӷәоуп. Иҳауит аҭагылазаашьа ҭынч анхара-анҵыразы, хыҧхьаӡара рацәала ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи еиҭашьақәыргылоуп, убас атеатрқәа, абарҭқәа зегьы аҭынчра ашьақәгылареи Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо адгылареи ирыбзоураны. Аҧсны жәлар ари рхашҭраны иҟаӡам, избанзар, аҭынчра еиҳау акгьы ыҟаӡам»,- иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада. «Ахьыҧшымреи аҭынчреи акыраамҭа ҳарзықәԥон. Уи амҩа ашьеи аҧхӡашеи ықәыршуп. Аҵыхәтәаны, Урыстәылатәи Афедерациа иабзоураны, аиаша аиааира агеит. Адырра шәысҭарц сҭахуп, ҳзеиҧш проектқәа аҧхьаҟагьы ишыҿиало, ҳаидгыларатә еизыҟазаашьақәа есааира иҳарӷәӷәалоит»,- иҳәеит иара, иара убас иациҵеит, иаҭахны ианыҟала Аҧсны Урыстәылеи аиашьаратә Республика Алада Уаҧстәылеи рыжәларқәа рыдгылара ишазхиоу. Аслан Бжьаниа иара убас иҳәеит амшхәаҧштә аҟны иқәгылоу азҵаарақәа иаарласны ишыӡбахо, ҩ-тәылак реиҩызара еиҳагьы ишыӷәӷәахо. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15887/
2024-02-29T09:42:11Z
<urn:uuid:eedd6eac-f45f-415d-9034-d7699d734c2b>
[ "footer" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.9
0.97
21
5,052
tlsh:T1ABF5D8A19B809B4BC2B3C459DF924A396CD154434662B260CECAF1712786099EFFCC13A6FAE4159FB4DB1611D072BA146A4EECE628BEBBD3705200A56D3F7CDD339435C1AE
30 шықәса раԥхьа зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аԥҵаразы азин ашьақәырӷәӷәара зылшаз аԥсуа жәлар рфырхаҵара аԥсуа жәлар хацәнмырха ақәԥараҟны ахақәиҭразы, аҭынч ԥсҭазааразы азин ашьақәырӷәӷәара рылшеит. Ҳтәылақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа аҿиара иаҿуп аидгылареи астратегиатә усеицуреи шьаҭас иаҭаны. Агәра згоит конструктивла ишьақәгыло ҳаимадарақәа ганцыԥхьаӡа рырӷәӷәара ҳзеиԥш интересқәа ишрықәшәо. Исҳәарц сҭахуп Урыстәыла аԥхьаҟагьы ганрацәала Аԥсны Аиҳабыреи ажәлари асоциал-екномикатә уснагӡатәқәеи амиалҭтә шәарҭадара алыршареи ирызку ауснагӡатәқәа рыӡбараҟны ацхыраара шыҟанаҵало. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа, Аԥсны атәылауаа зегьы – аҭынчра, аизҳазыӷьара. Ҳаҭырла, Владимир Путин». Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15968/
2024-02-29T08:18:57Z
<urn:uuid:59df9c9f-5181-4d9a-8c69-4ee4f82ee6f8>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.81
0.83
0.95
12
2,157
tlsh:T1F9D0B8416A80D78BD6B3C099CB914E3828D0240246727674CE8DB0B21692058EFFCD13E6FBE51A4AB5D71121C4667F14685EECDA68BEA6D3709241E12C2F78DC33A475C2AE
30 шықәса раԥхьа ҳаибашьцәа-гәымшәақәа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аԥсны иалцаны, Егры аҳәааҟны Аиааира абираҟ ахадыргылеит! Аиааиреи ахақәиҭреи рымш ҳажәлар зегьы анеицгәырӷьо иамшныҳәоуп, аха уи иацуп алахьеиқәрагьы. 1992 шықәса нанҳәамза 14 рзы бџьарла еиқәных Аԥсны иалалаз аӷа игәҭакы наӡазҭгьы, ашәарҭара иҭагылоз Аԥсуа ҳәынҭқара мацара акәмызт. Усҟан аҟазаареи аҟамзаареи ирыбжьагылан аԥсуа жәларгьы. Аха ҳаибашьцәа гәымшәақәа ирыбзоураны еиқәырхоуп ҳажәлар, еиҭашьақәыргылоуп Аԥсуа ҳәынҭқарра! Ҳажәлар рзы разҟ дуун иаҳа ианыуадаҩыз аамҭазы Анцәа дахьҳаҭәеишьаз зыԥсадгьыли зыуаажәлари рзы зхы иамеигӡоз, еицҿакны ажәлар зегьы зыгәра ргоз Аԥыза – Владислав Арӡынба! Уи Аԥсны ахьчаразы иажәа аӡәк еиԥш иахаҵгылеит ҳаибшьцәа. Урҭ ирывагылеит аиашара ҳара ҳганахь ишыҟаз еилызкааз Аԥсны иқәынхо егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы. Ҳаԥсадгьыл ашәарҭа ианҭагыла ҳхала ҳаанырмыжьит Нхыҵ Кавказ инхо ҳашьцәа, аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа, убас, Урыстәыла ахаҭарнакцәа. Аԥсны Арбџьар мчқәа аԥҵан аибашьра анцоз ашықәсқәа рзы. Урҭ напхгара рырҭон Владислав Арӡынба ивагылаз Сулҭан Сосналиев, Сергеи Дбар, егьырҭ ар рыдҵаҟаҵаҩцәа. Ҳарҭ, аԥсуа жәлар лымкаала ҳахӡыӡаалароуп шьала иаагоу ахақәиҭра, иҳахьчалароуп иаҳгаз Аиааира ду! Акыр иаԥсоу аветеранцәа! Шәара ишәыбзоураны иахьа ҳанхоит ҳанҵуеит зхы иақәиҭу Аԥсуа ҳәынҭқарраҟны, ҳаԥсадгьыл иқәыҩуеит ҳбызшәа. Шәара иаашәырԥшыз афырхаҵара ҿырԥшыганы иҟоуп изызҳауа абиԥаразы. Иахьа лымкаала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳаибашьцәа гәымшәақәа Аԥсадгьыл абзиабара, уи ахақәиҭразы ахамеигӡара рылазааӡаз анацәеи абацәеи! Даара игәышьҭыхгоуп даргьы ҳаргьы иаҳзеиԥшу аныҳәа рхы аладырхәырц иахьаҳзааз аиҩызара ҳзызуа, есқьынгьы иҳадгылоу ареспубликақәа рнапхгаҩцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳашьцәа, мшын нырцәынтәи ҳџьынџьуаа. Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аиааира ду амш! Нагӡара ақәзааит Аԥсуа ҳәынҭқарра! Аизҳара рымазааит аԥсуа жәлар, иҟазааит еснагь ҳадгьыл аҟны аҭынчра!
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15985/?print=Y
2024-02-22T21:32:34Z
<urn:uuid:3c22b515-019c-4e62-b58a-bd54f4cae4b3>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
14
3,577
tlsh:T1488F9F7188C08B8BDAF3D5599FA2493668D1594247223760CEC5F4B146421ACFFFCC138AFBE4150BB4EF1126E1137E40A449EDE6297EAAA370C140A52C3F38CD2B6575D99F
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адыгеиа Ареспублика Актәи Ахада Аслан Али-иԥа Џьаримов Иирамш идиныҳәалеит. Адныҳәаларатә текст аҟны иҳәоуп: «Ҳаҭыр қәу Аслан Али-иԥа, Шәирамш инадҳәаланы исҭахуп гәык-ԥсык ала сшәыдныҳәаларц! Шәара шәнысымҩа – хамеигӡарада Аԥсадгьыли ажәлари рышҟа абзиабаразы иҿырԥшыгоуп. Шәара зыԥсҭазаара зегьы Адыгеиа Ареспублика аҿиара иазыкыз, иҟәыӷоу, ахара иԥшуа политикуп, ҳәынҭқарратә усзуҩуп. Ҳаҭыр қәу Аслан Али-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ахааназы ирхашҭраны иҟаӡам аԥсуа дгьыл аҟны аҭынчреи аиашареи рышьақәыргылара, иара убас аԥсуа-адыга еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара рус аҟны шәлагаламҭа.
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/14089/?print=Y
2024-02-29T22:36:17Z
<urn:uuid:a458c1c2-cf18-4d14-83b9-683f4c96b989>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
7
1,154
tlsh:T1D83458212980AA4BD6E3D4899E510531ACD1298342127360DECAB4741656058DFFDC13DABEE0128B789F2631D6A37604E94CEEF5347D7A9731868094283F38DA378475D0AF
Сариа Лакоба – аԥҳәыс лиашареи лхьамҵреи, ачҳареи ахақәҵареи ирҿырԥшыгоу фырԥҳәызбоуп. Фазиль Искандер ишылзиҳәаз еиԥш, Аԥсны зыхьӡ нагоу аҳәса зегьы инарылукааша аӡә лоуп, аҵыхәтәанынӡа лхаҵа игәалашәара аҳаҭыр ахькалмыршәыз азы, уи амшала дгәаҟуа лыԥсы шылхыҵызгьы. Арифа Қапԥҳа Сариа инылҵыз 35 шықәса заҵәык роуп, аха убри аԥсҭазаара кьаҿ иҭаӡеит абзиабара цқьа, лҭаацәеи лхаҵеи рымаҵ аура, анра иацу ахаареи, аԥхарреи, асас дахьқәа рыдкылара, амчра знапаҿы иҟаз рҩызара, НКВД (Асовет Еидгыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рзы жәлар ркоммисариат – аред.) абахҭаҟны ҩышықәса рыхлымӡаахра, лыԥсы ҭаны уаҳагьы дахьызҭымҵыз. Сариа (мамзаргьы Сарие) Лакоба диит 1904 шықәсазы амал змаз аҷаруаҩ Аҳмед-Мамед Џьих-оглы иҭаацәараҿы. Сариа лынахыс аҭаацәараҿы ирызҳауан даҽа фҩык ахәыҷқәа. Аҭаацәара амал зкыз ракәны иԥхьаӡан: Баҭым аԥшаҳәаҿы аҩнқәа рызгылан, урҭ қьырала иарҭон, ирыман иара убас рхатәы чаӡырҭеи адәқьанқәеи. Сариа лан – Мелеқ Ԥаҭланӡиаԥҳа даԥсыуан, Очамчыратәын. «Ари аԥҳәыс ҟәыш, 1920-тәи ашықәсқәа ралагамҭазынӡа аҭаҭқәым (чадра) зшәыз, быжьҩык ахәыҷқәа ааӡара бзиаӡа рылҭеит. Урҭ зегьы агәыблыра рыбжьан, рангьы даара бзиа дырбон», – ҳәа лыҩуеит Адиле Аббас-Оглы, лышәҟәы «Хашҭшьа сымам» аҟны. Сариа Лакоба агәҭаны © Адиле Аббас-Оглы лышәҟәы «Хашҭшьа сымам» аҟынтә Минере Аслан-Зааде (Сариа Лакоба лан лаҳәшьаԥҳа), Сариа Лакоба, Васфие Аслан-Зааде (Сариа Лакоба лан лаҳәшьаԥҳа), Акиле Аслан-Зааде (Сариа Лакоба лан лаҳәшьаԥҳа) © Адиле Аббас-Оглы лышәҟәы «Хашҭшьа сымам» аҟынтә Сариа Лакоба © Мусто Џьихашьвили игәалашәарақәа рышәҟәы «Иосиф Сталин кавказтәи исафари» аҟынтә Нестори лареи реиқәшәара Сариа илнасыԥхараны иҟаз Нестор Лакоба (аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны жәлар ркоммисариатқәа рхеилак ахантәаҩыс иҟалаз – аред.) раԥхьаӡа акәны дылбеит дара рыҩны даннеи, Баҭым. Нестор ҩызас диман лара лашьеиҳаб Аки, уи иоуп ақырҭуа меньшевикцәа рҟынтә иҩыза – аԥсуа арԥыс зыҩны дызҵәахуаз. Сариа усҟан жәохә шықәса ракәын илхыҵуаз. Аҭыԥҳа ԥшӡа дкахәхәа, лыбла қаруақәа ҭыԥххаауа, лыхцәы еиқәаҵәа жәпаӡа, Нестор дшынлыхәаԥшыз еиԥшҵәҟьа иаразнак дигәаԥхеит, Сариагьы лылаҿы дааит агәымшәара злаз ареволиуционер қәыԥш. Аҩыџьагьы еицыбналеит. Сариа лашьцәеи, лани, лаби азныказы урҭ реибагара ргәы иахәомызт, аха хәыҷы-хәыҷла ргәашыра еиқәтәон, ишнеиуазгьы Нестор иаԥсоу маҳәык иаҳасабала дрыдыркылеит. Апоет-аиҭагаҩ Сергеи Липкин ари аҭаацәара иазкны апоема аԥиҵеит «Нестори Сариеи» ҳәа хьӡыс иаҭаны. Акьыԥхь зымбацыз ари арҿиамҭа аҭоурыхҭҵааҩ Станислав Лакоба инапаҿы иҟалеит ашәҟшыҩҩы Фазиль Искандер имҭаны. Липкини Искандери хаҭала еибадыруан, аҩыџьагьы рҩымҭақәа ркьыԥхьуан алитературатә альманах «Метрополь» аҟны. Ла лыблақәа рҿы даԥхьеит азгәыкра ԥшӡа, Наӡаӡеиԥш илашаз, зхы иақәиҭыз уи амца, Уи лаби лашьцәеи ргәеибакра еиҳаз, Нас лан ллаӷырӡаша аиҳагь ицаз, Иара амсылманра аасҭагьы иӷәӷәаз… Игәеиҭеит урҭ зегь, аха игәы мыҭрыст: Иҩызцәа дыдирдырт – «абар сыԥҳәыс!» Сариа Нестор даниццоз ашколгьы далымгацызт. Аҵара лоуит аҩныҟа ҷыдала лара лзы Нестор ааԥхьара зиҭоз арҵаҩцәа рҟынтә. Аԥышәарақәа екстернла иаҭаны Сариа аттестат лоуеит. «Уи аамҭазы аҷар ҭыԥҳа лзы ари хҭыс дуун, избан акәзар усҟан амсылман дин ныҟәызгоз аҷар ҭыԥҳацәеи аҳәсақәеи, аҭаҭқәымқәа ныҟәыргон, шамахамзар аҵара рымамызт. Аха иара уи аҿгьы даанымгылеит Сариа. Даара ирацәаны ашәҟәқәа дрыԥхьон, лҵара иазлырҳауан. Ԥсабарала илылаз ахшыҩи, агьама ҳараки, аҟыбаҩи, аҵареи аетикет адырреи анрыцла, абагәа илатәоу ахәац анхьычԥаԥырхо еиԥш ашьха-ҭыԥҳа Сариа, атәыла ахада иԥҳәыс ишлаҭәоу еиԥш, раԥхьатәи леди лакәны даақәгылеит», – ҳәа лыҩуеит Надежда Лиутахина, лессе «Сариа лыҩныҟа дхынҳәуеит» аҟны. Сариа Лакоба аматросцәа ркостиум лышәҵаны © Адиле Аббас-Оглы лышәҟәы «Хашҭшьа сымам» аҟынтә Нестор Лакоба © Адиле Аббас-Оглы лышәҟәы «Хашҭшьа сымам» аҟынтә Сариеи Рауфи © Надежда Лиутахина лышәҟәы «Сариа лыҩныҟа дхынҳәуеит» аҟынтә Насыԥла иҭәыз Аҟәатәи аԥсҭазаара Сариа, Нестор, иара иан, нас егьырҭ рыуацәа гәакьацәеи зегьы еицынхон Аҟәа, иахьатәи Лакобеи Ажәанбеи рымҩақәа реихдаҿы игылоу аҩн ду аҟны. Сариеи Нестори рыԥсҭазаара иадҳәалоу ахҭысқәа зегь реиҳа ирацәаны иаҳзаанлыжьит лара лҭаца – лашьеиҵба Емды иԥҳәыс –Адиле Аббас-оглы, лышәҟы «Хашҭшьа сымам» аҟны. Лара лгәалашәарақәа рҟны Сариа даҳбоит згьама ҳаракӡоу ԥҳәызба ҟәышк лаҳасабала, иԥшӡаны аҽеилаҳәара инаркны аҩны аиҿкаашьа зеиӷьыҟам ала издыруаз лакәны. «Лара ахьи абырлашқәеи рацәаны илыман, урҭ реиҳарак лашьцәа ҳамҭас илырҭақәоз ракәын, избанзар Нестор излаиԥхьаӡоз ала, уԥҳәыс амцхә «лырқьынцыцра» иаԥсам усын – аха, лара ахаангьы лырԥшӡага ссирқәа зегьы лхаҵаны џьара днеиуамызт, ԥхашьароуп ҳәа лыԥхьаӡон. Иаҳҳәап, зыхә ҳаракӡоу амацәаз лхалҵозар, алымҳарыҩқәа иаҳа имариқәааз алҭон. Аиҳабыра рыҳәсақәа лара илҿыԥшуан, илеиԥшны аҽеиҿкаашьа иашьҭан», – ҳәа лыҩуеит Аббас-оглы. Сариа лассы-лассы аҳәсақәа лҭаауан, аҽырхиашьа аганахьала лабжьгарақәа раҳарц, ларгьы еснагь хра злаз абжьгарақәа рылҭон, убри аан аӡәгьы игәы нмырхакәа, илҳәоз зегьы ирхааны илҳәон. Лҭаца Адиле илабжьылгеит 1864 шықәсазы иҭыҵыз ашәҟәы «Аамысҭашәала ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа» даԥхьарц. Сариа лхаҭа лакәзар, ари ашәҟәы ианыз ҿырҳәала илҵахьан. Адиле 16 шықәса лхыҵуеит, 1936 шықәса © Адиле Аббас-Оглы лҭаацәаратә архив аҟынтә Арымарахьтәиӡа — Сариа Лакоба. Арыӷьарахьтәиӡа — лаҳәшьа Назиа. Арыӷьарахьала аҩбатәи – Адиле © Адиле Аббас-Оглы лҭаацәаратә архив аҟынтә Арымарахьтә ала арыӷьарахь: Назиа Џьих-оглы –Сариа лаҳәшьа, Сариа Лакоба, Ксениа Лакоба, Ксениа Ладариа, Вера Лакоба, 1930-тәи ашықәсқәа. Дара зегь арепрессиа иаҵанакит © Адиле Аббас-Оглы лышәҟәы «Хашҭшьа сымам» аҟынтә Нестор Лакобеи Сариеи, 1921-1922 шықәсқәа © alashara.org Зегь рыла иҿырԥшыгаз Сариа – Лакәараа рыҩнаҭа ԥсыс дахан. Акыр лҽазылшәон лҭынхацәа европатәи акультура радыԥхьалара. Убас, иаҳҳәап, аҩнаҭа иатәу зегьы ачысфага маҭәарқәа рхы иадырхәаларц иашьлырцылон (аԥсуа чыс адкылара атрадициала ишаԥу еиԥш, афатә хкқәа зегьы напыла ирфоит – аред.). Адиле Аббас-оглы ишазгәалҭо ала, уи зыҟалҵоз, «аԥсуа традициақәа атәамбакәа ҳәа акәымызт, лара илҭахын лыԥшәма Нестор Лакоба изааигәаз ауаа аамысҭашәара рныԥшуа иҟазарц, Несторгьы уи азы даара длаҭабуан». 1921 шықәсазы Нестори Сариеи аԥа дроуит, Рауф ихьӡырҵеит. Иблагәы ҭбаақәа еиқәараӡа, даара иан длеиԥшын, дыҷкәына ԥшӡан. Аҷкәын ааӡаҩыз диман аԥсуа ԥхәыс Назиа Хонелиа, аԥсуа бызшәеи аԥсуа ҵасқәеи илырҵон. Сариа аҵара бзиа иҭара дашьҭан, Рауф ихәыҷтәы библиотекаҿы иҟан аурыс, афанцыз бызшәала ашәыҟәқәа. Рауф Лакоба амилаҭ маҭәа ишәҵаны © Адиле Аббас-Оглы лышәҟәы «Хашҭшьа сымам» аҟынтә Сариа аҩнра бзиаӡаны иныҟәылгон, даара ихааны ахәы ҟалҵон, аԥсуа чысқәагьы уахь иналаҵаны, асасцәа анырҭаауаз лнапала аишәа лырхион. Сасцәас ирзааиуазгьы зегь реиҳа зыхьӡ нагаз, еицырдыруаз ауаа ракәын. Сариа амузыка бзиа илбон, ҟазарала дкәашон, рыҩны ирзықәгылан Сталин ҳамҭас ириҭахьаз апатефон. Авожд иҭаацәа лассы-лассы Сариа аҳамҭақәа лзыҟарҵалон: уи иԥҳәыс Светлана Аллилуева лҟынтә Сариа илоуит ҷыдала аҳәса рзы иҟаҵоу апистолет хәыҷы, Сталин ихаҭа иакәзар, Аԥсны раԥхьатәи аледи ҳамҭас автомашьына лиҭахьан, уи лара гәахәара дула илырныҟәон. Нестор Лакобеи Сариеи рыҩны, Аҟәа © Адиле Аббас-оглы лышәҟәы “Аԥсны – слахьынҵа…” аҟынтә Сариа Лакоба, Лавренти Бериа, Светлана Сталина, апароход ақаԥдани © Мусто Џьихашьвили ихатә архив аҟынтә Нестора Лакоба имашьынарныҟәцаҩ Грышьа Амерџьанови Сариа Лакобеи © Надежда Лиутахина лышәҟәы «Сариа лыҩныҟа дхынҳәуеит» аҟынтә 1936 шықәсанӡа Нестори Сариеи рыԥсҭазаара зырхәашьуаз ҳәа егьыҟамызт. Аха зегь аҽаԥсахит Сталин Нестор Лакоба ианидигала Асовет еидгыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра дахагыларц. Аԥсны аԥыза ари ааԥхьара мап ацәикит, избан акәзар еиликаауан итәыла – иԥсадгьыл даҟәырҭхарц шырҭахыз, уи иаанагоз Аԥсны ақырҭуатәра нахьнатә аахыс згәы иҭаз Бериа ахақәиҭра иҭара акәын. Нестор Лакоба © Нестор Лакоба имузеи Нестор аҵыхәтәантәи имҩа Декабртәи уахык зны Нестор ихала Қарҭҟа ацара игәы шҭоу аниҳәа (Бериа зыԥшрак ҟамҵакәа уаароуп ҳәа адырра ииҭеит) Аԥсны анҭыҵ дахьцалак иццалоз Сариа даҟәылхырц далагеит. Аха Нестор дцарц иӡбхьан, дузаарҳәуамызт, уажәазы иԥҳәысгьы лгара игәы иҭамызт, имашьынарныҟәцаҩ ида уаҳа аӡәы дицзар иҭахымызт. «Сгәы ааԥҵәахаҭеит, иԥҳәыс ихьчаҩ лакәушәа зехьынџьара дицуп, ихала џьара длышьҭуам ҳәа ауаа ирҳәо ахьсаҳауа!» – иҳәан Нестор даагәамҵны, ауада дындәылҵны дцеит. Аха амашьына дҭатәаанӡа иаалырҟьаны ахысбжьы геит. Абар ари ахҭыс шаалырԥшуа Адиле Аббас-оглы: «Нестор Апполон-иԥа ҵаҟа длыбааит. Минуҭкгьы мҵыцкәа адәахьынтә иуаӷеимшхараны ахысбжьы геит. Сариа арҵәааҳәа дыҳәҳәан, лхы лтәӡамкәа ашә ахь деихеит, ҳара зегь ла ҳлышьҭалеит. Ашә аԥхьа Нестор дҽаԥхаҿаччо дгылан, апистолет кны. Сариа ирӷәӷәаӡаны дааигәыдиҳәҳәалан ус иҳәеит: убыржәы агәра згеит, Сариа, ак сыхьыр, былаӷырӡ бызнымкылакәа бышҵәыуало. Абарҭ иажәақәа аҩысҭаа иаҳазшәа, хара имгакәа илабҿабахагәышьеит. Нестор иԥсы ҭаны Қарҭынтә аҩныҟа дзыхнымҳәит. Аԥсны ақырҭқәа раланырхара иазкыз Бериа иплан амшала Нестори иареи даара ажәақәа еимаркит. Нестор ҿыӷәӷәала мап рцәикит арҭ агәҭакы гьангьашқәа: «Сыԥсы ҭанаҵы ари ҟалашьа змам усуп!» ҳәа рыхҳәааны. Иара убри аухаҵәҟьа иԥсҭазаара дагьалҵит: Бериа иҩны уаххьафараан ашҳам ирҭан дыршьит Аԥсны ахада. Уахь анеира зынӡаск даҿыгәҳәаауамызт иара, аха Бериа иԥҳәыси иани ааичычан, шәеинҳарналароуп ҳәа мчылаҵәҟьа иҳәо-иичо, анеира дақәшаҳаҭхаанӡа иааиҟәамҵит. Анаҩс, данԥырҟа ашьҭахь еилкаахеит ашҳам ирҭаз ацианиттә кали шакәыз. Нестор дшыршьыз ала аҩныҟа ашәаџь анырзааи, Сариа лгәырҩа ҳәаак амамызт. Дыҳәҳәон, лыхцәқәа кыдылхуан, лыҷкәын дгәыдылкылон, умшәан, «товаришь Сталин» дҳацхраауеит ҳәа хәыҭ-хәыҭла иалҳәон, дыргәыбзыӷуа. Акыраамҭа лгәы иаанагон ҩызас ирзыҟаз Сталин иҟалаз ахлымӡаах азы акгьы издыруамызт ҳәа. Аха Нестор данымҩаԥыргоз амшқәа зегьы ирылагӡаны, иара дахьыгҿаз Аԥсуа драматә театр ахь зықьҩыла ауаа ааиуан, лара лнапаҿы илдыркуан адунеи акәакьқәа зегьы рҟынтә иаауаз шәкыла адышшыларатә телеграммақәа, «рҩыза» Сталин иҟынтә ажәак иадымхаргьы илмоуит, иагьылмаҳаит. Нестор Лакоба инышәаҭара, Аҟәа, ажьырныҳәа 1, 1937 шықәса © Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи Нестор Лакоба инышәаҭара, Аҟәа, ажьырныҳәа 1, 1937 шықәса © Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи Нестор Лакоба инышәаҭара, Аҟәа, ажьырныҳәа 1, 1937 шықәса © Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи Нестор ида аԥсҭазаара Нестор инышәаҭара ашьҭахь мызкы ааҵуанеиԥш, иара изкны ауҳәан-сҳәан хәымгақәа дәықәырҵо иалагеит, ипатреҭқәа зехьынџьарантә иқәыргон, нас аҭакрақәагьы ирылагеит: НКВД ахь ауаа нарыԥхьон, анаҩс дара рыӡбахә ҳәа уаҩы акгьы изымдырӡакәа, хабарда идырӡуан. Сариа лашьа гәакьа Маџьыҭгьы абас анихь аамышьҭахь, лԥа Рауф даашьҭылхын Москваҟа дцеит, Сталин диацәажәарц. Аха Кремль ахь анеиха зынӡаскгьы илырымҭеит. Аԥсныҟа дгьежьит лгәы каҳаӡаны, гәыӷрак лымаӡамкәа. «Аԥсадгьыл аӷацәас» Нестор идагьы уи иуацәа гәакьацәа зегь рыларҳәеит. 1937 шықәсазтәи ҭагалн азы Аԥсны ауааԥсыра зегьы арадио ала ирышьҭуаз «жәахаҩык Лакәараа» рус аӡбара шцоз ргәы ҳыҭ-хыҭуа иазыӡырҩуан, ак рывымшәарц азы. Зус рыӡбоз рхыԥхьаӡараҿы иҟан Махиали Уасили Лакәараа, Константин Инал-иԥа, Михаил Чалмаз, Владимир Ладариа уҳәа егьырҭ Нестор иҩызцәеи идгылаҩцәеи. Урҭ зегьы иреихсны иршьуеит. Анаҩс иҭаркит рыҳәсақәеи рхәыҷқәеи – урҭгьы цәгьаԥсышьа рзааргеит, рыбжаҩык ршьит, егьырҭ рыԥсы ахьынӡаҭаз абахҭақәа ирҭакын. Ари ауахҭа цәгьа даргьы шзацәымцоз еилкааны, Сариа илылшеит лхаҵа иархив аҵәахра. Адиле Аббас-оглы ишылыҩуа ала, Сариа лашьеи лареи ашаҳаҭцәа ирбо-ираҳауа агәар аҿы Троцки исалам шәыҟәқәеи егьырҭ ашәарҭара зцыз ақьаадқәеи лыблит, аха еиҳа ихадаз, хәы змаз адокументқәа акәалап иҭаҵаны, нас афольга шәпа акәыршаны аҩны имаӡоу ҭыԥк аҿы илҵәахит. Нестор Лакоба «аԥсадгьыл аӷас» ихьӡ анрыларҳәа, Сталин иаԥыхра зыгәҭакыз ҳәа иршьоз ирышьҭашәарыцо иалагеит. Убасҟан ашәара ҟалеит, Нестор инышәынҭра ԥхасҭартәыр ауеит ҳәа. Аха изларҳәо ала, Сариа абраҟагьы агәымшәара аарԥшны, лхаҵа иаҳаҭыр ахьчара лылшеит. Аофициалтә версиа ишаҳәо ала, Лакоба ибаҩ ыҵхны иблын Аҟәа, иахьатәи Алашарбага аҳаблан. Аха Адиле Аббас-оглы лышәҟәаҿы илгәалалыршәоит, Нестор ибаҩ рӷьычыр ҟалоит ҳәа ацәажәарақәа шаараҳаз еиԥшҵәҟьа, Сариеи, Нестор иан Шьахәснеи, Сариа лашьа Емдыи (Адиле лхаҵа) Михаиловтәи анышәынҭра ахылаԥшҩы иацәажәаны, рхала Нестор ибаҩ ыҵхны иргеит ҳәа. Адиле агәра ганы дыҟоуп, Нестор ибаҩ Лыхны иара иқыҭа гәакьан анышә иамардеит ҳәа, аха иахьыкәҵәҟьоу здыруаз Сариеи Шьахәснеи заҵәык ракәын. Сариа лашьа гәакьагьы лхаҵа ибаҩ анышә аҭара апроцесс далалмырхәит, дыргәаҟны иидырҳәар ҳәа дшәаны. Нестор иани иԥҳәыси ракәзар, ари амаӡа уаҩы изаамыртыкәа нарцәыҟа ирыцны иргеит. Нестор Лакоба иан Шьахәсна Џьергьениа © Адиле Аббас-Оглы лышәҟәы «Хашҭшьа сымам» аҟынтә Сариа дҭаркит 1937 шықәса нанҳәамзазы. Лыҩны дшыҟаз дыргеит, аҩны зегь аадырҳәит, Нестор «ицәгьахәыцрақәа» зыршаҳаҭшаз ашәҟәқәа рыԥшааразы. НКВД аҭыӡқәа рҟны Сариа зегь реиҳа ихлымӡаахыз агәаҟҵәаҟрақәа лхылгеит. Акарцер дҭаркуан, лашьцәа идырбаны ддыргәаҟуан, нас лашьцәагьы дыргәаҟуан лара лыла иарбаны. Абарҭқәа зегьы акгьы ианамыхәа, лыҷкәын Рауф дааргеит. Лыла ишабоз, рыцҳашьарак ҟамҵаӡакәа иааисуа дырԥҟон, Нестор Лакоба Сталин иганахьала ачарҳәара иуан ҳәа Сариа илдырҳәарц. Сариеи Рауф Лакобеи © Лакоба иҩны-музеи Абар Адиле Аббас-оглы ари ахҭыс шаалырԥшуа: — Сан, сеиқәырха, сбыҳәоит! — аҳәара ҟаиҵон лԥа. — Ирҭаху зегь ҳәа. — Уҽырӷәӷәа, сыҷкәын, — аҭак ҟалҵон Сариа, — ичҳа абааԥсы... Уаб акгьы ихарамызт. Ҳара шьҭа усгьы ҳаурыжьҭуам... Сариеи Рауф Лакобеи. Ани аԥеи ахьеицу аҵыхәтәантәи рфото, аҭакра шықәсык шагыз © www.kiaraz.org Сариа Лакоба, лҭакра хәыҷык шагыз © www.kiaraz.org «Шәысҭ, абар снапынҵа!..» Аамҭа ықәҳа ицон, аха Сариа ирҭахыз уаҳа илыздырҳәомызт. Аҵыхәтәан, уаҳа ирхәыцуаз акгьы анаанымха, акарцер дахьҭакыз ахь амаҭқәа ҭарҵеит: Сариа адунеиаҿы зегь раасҭа дзыцәшәоз урҭ аҳәаза бааԥсқәа ракәын. Сариа лыҵәаабжьқәа акамерақәа рҟны иҭакыз зегьы рлымҳа ҵырхаауан. «Лыхшыҩ еицакит Сариа рыцҳа, – ҳәа лыҩуеит Адиле Аббас-оглы, ларгьы усҟан уи абахҭа акамерақәа руак аҿы дҭакын. – Лара уажәы-уажәы дҵәыуон, нас иаалырҟьаны акыркырҳәа аччара далагон, ма дгәамҵны џьара аӡәы диқәмақаруан. Абарҭқәа рышьҭахь лҟырҟала ашьа аауан (лырԥҳақәа кыдырххьан усгьы). Ашьҭахь абахҭа ахәышәтәырҭахь днанагеит, шьала деимҳәон. Илыцышьҭаз ачымазцәа изларылшоз ала илхылаԥшуан, аҳақьым уаҩы имырбаӡакәа агәырқәа лзыҟаиҵон, мачқ иадымхаргьы лхьаақәа хызҽшаз ахәшә ҭаҭәаны. Лара уажәшьҭа дахьиаз дагьызгыломызт, аҭәеи акасыжәқәеи ирылхыз аиара дагәылаиан. Зықәра зфахьоу аԥҳәыс бырг леиԥш деизаҟәҿны дышьҭан». 1939 шықәса, лаҵарамза 16 рзы Орҭачалтәи абахҭа акамерақәа руак аҿы дышԥсра дышьҭан Сариа. Аусҭҵааҩ данааи, Нестор дыԥсахҩын ҳәа зҳәоз ақьаад лнапы аҵалыҩырц азы даҽазнык адҵа ҟаиҵарц, дахьышьҭаз дааҩаҵхахан ақьаад лшьа ахьлыршит, иагьылҳәеит аҵыхәтәантәи лымчқәа еизыркәкәаны «Шәысҭ, абар наӡаӡатәи снапынҵа!» ҳәа. Сариеи Нестори рԥазаҵәгьы алахьынҵа цәгьа изыԥышн. Аббас-оглы ишылыҩуа ала, Рауф Лакоба ахара идҵаны, алеишәа џьбара ахьаԥыз алагер ахь дышьҭын. Шықәсқәак рышьҭахь Бериа иахь асалам шәҟәы иҩит, иԥсадгьыл ахь ахынҳәра азин ииҭарц, аҵара иҵарц, аусура далагарц шиҭаху иҩуан. Бериа иԥсахы еибакит Рауф уажәыгьы иԥсы шҭаз анидыр, адҵагьы ҟаиҵеит, алагер дыҭганы иус аӡбара иацырҵарц. Азҵаарақәа зегь раан Рауф иқәымчуан, иани иаби ԥсахыҩцәан ҳәа иазхаиҵарц, акьыԥхь аҿы, иара убас арадио ала ахара рыдҵаны дықәгыларц идыргалеит, убас ҟаиҵар иԥсы еиқәдырхоит ҳәа ажәа иҭаны. Рауф мап икит, ҳәарада. Нас иргәаҟа еиҭалагеит. Шьоукы ишырҳәо ала, иара абахҭаҿы иԥсҭазаара далҵит, ҵыхәаԥҵәара змамыз аргәаҟрақәа руак ашьҭахь уаҳа ихдырраҿы дмааиӡакәа. Даҽа версиак ала, Рауф Лакоба ахы игәыдҵаны дшьын 1941 шықәса, ԥхынгәы 28 рзы. Фазиль Искандер Сариа Лакоба илызкны, Аҟәа, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр, 1990-тәи ашықәсқәа © АГТРК Ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер 75 шықәса ихыҵра иазкыз аиубилеитә хәылԥаз аҟны Сариа илызкны абас еиԥш ажәақәа иҳәеит: «Ҳтәылаҿы зыхьӡ нагоу аҳәса зегьы инарылукааша аӡә лакәны дыԥхьаӡатәуп, Аԥсны мацара акәым, иара Урыстәылагьы. Уи аҟны аӡәгьы ԥырхага изыҟаҵом, избанзар лара илхылгаз агәаҟра хлымӡаахқәа – ҭоурыхтә фактуп. Иҭоурыхтә фактуп убасгьы лхаҵа гәыкала изыҟазаареи, уи иҵабырг амԥсахреи лыԥсҭазаара ахаҭа аиҳагьы ахә ҳаракны иахьылшьаз, лыԥсгьы ахьақәылҵаз… Сара сгәы иаанагоит Сариа абаҟа лзыргылатәуп ҳәа. Убри абаҟа агуп иахьа Аԥсны». Ауаажәларраҿы акырынтә ихацыркын Сариа Лакоба абаҟа лзыргылара иазку ахалаԥшьгарақәа. Шьоукы ажәалагалагьы ҟарҵахьан Лакоба иҩны-амузеи аҿаԥхьа уи абаҟа дыргыларц, «Сариа лыҩныҟа дхынҳәуеит» ҳәа ахьыӡҵаны. Аха иахьа уажәраанӡагьы аус ацәажәарақәа ирхымсыцт. Нестор Лакоба ибаҟа, Аҟәа, Аботаникатә баҳча © Наала Аҩӡԥҳа Нестор Лакоба ибаҟа, Аҟәа, Аботаникатә баҳча © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Сариа Лакоба Нестор Лакоба Ахаҭарақәа Акомментари ааныжьразы шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп. Ашара а б в г ӷ д џ е ҽ ҿ ж з ӡ и к қ ҟ л м н о ҩ п ԥ р с т ҭ у ф х ҳ ц ҵ ч ҷ ш ы ь ә Абхазский язык Абазинский язык а б в г д е ё ж з и й к л м н о п р с т у ф х ц ч ш щ ъ ы ь э ю я Ӏ Абхазский язык Абазинский язык Ахҳәаа ыҟам Ахҭысқәа ААУ аҿы имҩаҧысит абаза бызшәала азеиҧш диктант Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҿы зымҽхак ҭбаам авиртуалтә екскурсиа Адиспансеризациа 2024: АААКи Агәабзиарахьчара аминистрреи ашколхәыҷқәа ргәабзиара агәаҭара еиҭахацдыркит. Аҿцәажәара «Необходимо сохранить наш маленький абхазский мирок»: интервью с Теймуразом Тания "Згәы зыԥхьаны иааз": АААК иазнархиеит хатәгәаԥхарала иҳавагыланы еибашьуаз ирызку авидеонҵамҭа Аԥсни италиатәи ақалақь-ҳәынҭқаррақәеи: аԥсуа ҵарауаҩ Чрыгба ишәҟә ҿыц Реиҳа изыԥхьо «Аԥсуара амҩахәасҭақәа» рцикл: Феликс Џьинџьиа иҿцәажәара 13 Жәабран 2024 12:00 Адиспансеризациа 2024: АААКи Агәабзиарахьчара аминистрреи ашколхәыҷқәа ргәабзиара агәаҭара еиҭахацдыркит. 18 Жәабран 2024 15:30 АААК еиҭахацнаркит аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа ирызку апроект 10 Жәабран 2024 16:35 Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҿы зымҽхак ҭбаам авиртуалтә екскурсиа 19 Жәабран 2024 13:30 Анҵамҭақәа зегьы Ҳара ҳхархәаҩцәа Арсен Лапугов Джульетта Трамова Нелли Апсова Иавуз Аргун Бссам Маршан Севда Балбаг Ҭемыр Рекәаа Цихат Юксел Аҭалара Аҽҭаҩра Афотосахьақәа Аҧсны еиуеиҧшым акәакьқәа рҿы Ажьырныҳәа шымҩаҧырго зныҧшуа афотолента Авидеонҵамҭақәа Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҿы зымҽхак ҭбаам авиртуалтә екскурсиа Апроектқәа рыдгылара / Алахәцәа рыхәҭалагала Ахшәаара Аконгресс алалара Арзаҳал ахарҭәаара Аконгресс аҿы Аконтактқәа Амультимедиа Апроектқәа Аконгресс ажәабжьқәа © 2024 АААК Азинқәа зегь хьчоуп 18+ , ма шәыҽҭажәҩыроуп. АААК алахәцәа рхыԥхьаӡарахь адкылара аԥҟарақәа Арзаҳал онлаин ахарҭәаара Арзаҳал PDF аҭагалара Иҭабуп шәахьҳадҵаалаз. Иаарласны ҳаҽшәымаҳдоит. Иҭабуп шәахьҳалахәхаз! Иалашәҵаз азыҳәара хымԥада ҳахәаԥшуеит. 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail Ажәла, ахьӡ, абхьӡы Атекст аҿы агха Аацҳамҭа Асахьатә фаил, ма адокумент Ашьҭра 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail: Апароль Сагәалашәааит Апароль шәхашҭма? Аҭалара Аккаунт аԥҵаӡами? Аҽҭаҩра Ахархәаратә еиқәшаҳаҭра Асоциалтә ҳақәа рыла аҭалара: Защита reCAPTCHA: Конфиденциальность и Условия использования 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail: Ишәхәыц апароль (ф-символк иреиҵамкәа) Апароль еиҭанышәҵа Ахархәаҩ иақәшаҳаҭра аԥҟарақәа сыдыскылоит, схаҭаратә дыррақәа аус рыдулара сақәшаҳаҭуп. Аҽҭаҩра Асоциалтә ҳақәа рыла аҽҭаҩра: Защита reCAPTCHA: Конфиденциальность и Условия использования Иашәырбаз аелектронтә ԥошьҭа арҵабыргразы ишәзынашьҭуп азхьарԥш згәылоу асаламшәҟәы. Аҭаӡ Спам иҭоу агәаҭара шәхашәмыршҭын! Апортал анҵамҭақәа Шәаккаунт апароль аиҭашьақәыргыларазы ахьарԥш згәылоу асалам шәҟәы шәзынашьҭын. Ахьарԥш ала шәиасны апароль ҿыц шәхәыц.
https://www.abaza.org/abk/saria-lakoba-nestori-apsnyi-zympsakhyz
2024-02-24T09:13:08Z
<urn:uuid:6204734d-311e-4f2a-863c-7aa817471d43>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.6
0.98
214
35,316
tlsh:T1764392F2AB80CF8FCAB7C199CF918935ACD1284743227220CEC5F4716646058EFFDC13EAEAE8466AB4DB2222D152BE14664AFCE6297D7BD7318200A12D3F75DE279476D19F
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa, Урыстәылa aкоронaвирус 18 140-ҩык рыдбалан, иҧсит 334-ҩык aпaциентцәa, ачымазара иалҵит 14 854 -ҩык. Инеизaкны, aтәылaҿы aри aчымзaрa ҿыркaaит 1 618 116-ҩык рҟынӡа, урҭ рҟынтә 1 215 414-ҩык aчымaзaрa иaлҵхьеит, 27 990-ҩык иҧсит. АДУНЕИАҾЫ aкоронaвирус Урыстәылa 1 Еиҧшу Тедрос Аданом Гебреисус - Covid-19-и, агриппи егьырҭ ареспиратортә чымазарақәеи рхыԥхьаӡара иазҳауеит, асабрадақәа ныҟәыжәгала, алаҵақәеи атестқәеи иҟаҵаны ахьшәымоу гәашәҭала Иване Чхаиӡе - Акоронавирус ареспиратортә вирусқәа ркатегориахь ииасит Адукат ишааицҳаз, Михеил Саакашвили акоронавирус изышьақәдырӷәӷәеит Амедиа адыррала, Евроеидгыла ари аиҿкаара иалоу атәылақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит Китаинтә инеиуа апассаџьырцәа рҟны „ковид-19“ азы атестирра зыршҳаҭуа адокумент гәарҭаларц Агәабзиарахьчаразы адунеитә аиҿкаара Китаи ахь ааԥхьара ҟанаҵоит апандемиа иазкны иҵабыргыцәҟьоу адыррақәа аладырҵәарц Reuters – Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Иапониа акоронавирус амшала иҧсит 415ҩык, уи арекордтә арбагоуп Ԥхынҷкәын азы Китаи 250 миллион ҩык акоронавирус рыдбалан Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Китаи аҟны 40 052-ҩык акоронавирус рыдблан Китаи аковид амзызла ишьақәгылоу аԥкрақәа раԥыхразы аҿагыларатә акциақәа нагӡоит, адемонстрантцәа Си Ӡинпин инапынҵақәа рышьҭаҵара идҵаны иқәдыргылоит Китаи, Синӡиантәи апровинциаҿ, акоронавирус амзызла иҟаз алокдаун иахҟьаны, аҿагыларатә акциа мҩаԥган
https://1tv.ge/lang/ab/news/ihauismz-waxi-chvni-rmla-wrmstmla-akoronavirws-18-140-uimk-rmdbalan/
2024-02-29T21:57:33Z
<urn:uuid:46e99df1-d1cd-46b8-9dac-14265d88ccbe>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.92
0.97
13
2,484
tlsh:T1E825DB518954DB0FC6B3C1558DA19F352CD4284341222274CDD8B4B019110A9DFFDC21ADFDA8154BB4EB2110E1A6FE246B0EFCEA143EBEE732920095AE3E20ED26983ED68F
Аҟәа иҟоуп уамашәаӡа иҧшӡоу ахыбра, аҧшаҳәа, ақалақь зегьы иблахкыганы иҟазҵо – уи уаанӡа зны «Сан-Ремо» ҳәа ахьӡ змаз асасааирҭа «Риҵа» ауп. Избан абри иамоу ахьӡ аҿы изаанҿаси иара авторцәа? Афранцызи аиталиа культуреи рхаҿра алкааны изныҧшуа иҟоу, еилаарцыруа иааҧшуа, аҧшаҳәа архитектура иманшәалоу изҿыҧшыша стильны ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазы Аҟәа ицоз аобиектқәа рыргылара аан. Ус шакәу азы шаҳаҭра руеит Ницца, Монако, Сан-Ремо рҿы хыҧхьаӡара рацәала иуҧыло асасааирҭа «Риҵа» еиҧшу ахыбрақәа. Асубтропикатә ҧсабара абеиара, иблахкыгоу аиаҵәара иҭалаҳау Аҟәа, ҧшшәы рацәала еилаарцыруа амшын асеиҧш ишкәакәоу ахыбра азы иҟалеит ахаҿра хазырҭәаауа сахьа џьашьахәны, иҧшӡоу ахаҿы хоуп амшын ахь. Акәакьҭа хыркәшоуп иахагылоу акупол ҧшӡала, аганқәа ҩычоуп ҭырҿҿарала ихырку абаральефқәа рыла. 1914 ш. иргылаз ари асасааирҭа ахыбра шәышықәса шҵхьоугьы иахьагьы иаанхоит Аҟәа асимволқәа ируакны. Асасааирҭа аргылара ихьӡ адҳәалоуп абырзен ргылаҩ Христофор Спанакис (урыс бызшәала уи Христофор Спанаки ҳәа ишьҭоуп). Спанакис аҩбатәи аҭуџьарцәа ргильдиа датәын, абна ааглыхратә рҿиара инапы алакын, уи архитектуратә ргыларақәа аҧара маҷымкәа азоужьра ахәҭаны иҧхьаӡон. Ари ахыбра аргылара ахыркәшара Актәи адунеизегьтәи аибашьра иалагоит. Ари 1914 шықәса акәын, уи ашықәс иҧшӡаӡоу даҽа хыбрак аартрагьы иақәшәоит, ара зыӡбахә ҳамоу иахьа Аҟәа ақ. Ахадара зыҩноу аҩны ауп. Аамҭак азы уа иҟан Ақалақь Асовет, иара ахаҭа аргылара зыбзоуроу С. Стефаниди ҳәа иҟаз даҽа бырзенк иоуп. Аибашьра иаламгазҭгьы, аргыларақәа ицоз иҵегьы ирыцырҵон, Аҟәа ақ. иахьа ишыҟоу аасҭа иҵегьы иҧшӡахон. Усҟан «Сан-Ремо» ҳәа иаартыз асасааирҭа ақалақь иаҭаауа асасцәа рыҩнаҵаразы иаман 25 уада инаӡоз аномерқәа, актәи аихагыла аҟны иаартын усҟантәи аамҭазы зегьы иреиӷьуп ҳәа иҧхьаӡаз аҭхаџьырҭа «Биржа». Аибашьра аамҭа иацыз ауадаҩрақәеи аҽыҧсахрақәеи ирыхҟьаны абырзенцәа, иара убас Аҟәа инхоз амал змоу егьырҭ ауаажәларрақәа рхаҭарнакцәеи аӡәырҩы ақалақь иалҵны ицар акәхеит. 1915 ш. азы рмазара зегьы ҭины иқәҵны ицеит абырзен Христофор Самуриди иҭаацәарагьы. Уи ихьӡ рыдҳәалоуп Аҟәа иргылаз акыр зҵазкуа ахыбрақәа маҷымкәа. Самуриди иргылеит акупол зхагылаз ахыбра ҧшӡа, уаҟа акыр аамҭа иҩнан Аҧснытәи АССР Аминистрцәа Рсовет, иара убас ихьӡ зху атеатр, уи ара еиҳа ирдыруеит Вл. Ленин имҩаҿы игылаз акинотеатр «Аҧсны» ҳәа зхьӡыз акинотеатр, Лакоба имҩаҿы игылоу абанк ахыбра, уаантәи иаатуан Аҟәа аҧшӡарақәа зегьы, иара убас егьырҭ аобиектқәа. Ахыҵра рхы азыркит Спанакис иҭаацәарагьы. Урҭ дара рмазара хазына хада – асасааирҭа «Сан-Ремо», иаадырхәеит Веодорос Балтиаджис захьӡыз даҽа бырзенк. Иара ара зегьы дырдыруан аргылара абригадир иаҳасаб ала, инапхгарала Қәҭешь, Тифлис, Армавир ақалақьқәа рҿы аобиектқәа рацәаны идыргылахьан. Феодорос Балтаджис далахәын, иара убас, Тҟәаҧс – Баҭым ҳәа зхырхарҭа ыҟаз аихамҩа аргылара. Уи аргылара ианалагоз аамҭеи актәи адунеитәи еибашьра аналагаз аамҭеи еиқәшәеит аха иара аргылара еиҭа ажәашықәсақәа акыр ирыдхалеит. Бадтаджис дызҿыз аргыларатә усқәа ирыбзоураны аҧара маҷымкәа ирҳаит, иара шьҭа илшон «Сан-Ремо» еиҧш иҟаз аобиект дук аахәара, уи анаҩсангьы ари акыр изықәҿиоз анаплакҩы Гагреи Иалтеи иааихәеит авиллақәа ҩба. Асасааирҭа «Сан-Ремо» усҟангьы аҵак ду аман, амҽхак ҭбаан, уаҟа Аҟәа инхоз абырзенцәа лассы-лассы акыр зҵазакуаз аусқәа мҩаҧыргон, иара убас атәылаҿы, иара анҭыҵгьы имҩаҧысуаз аполитика ду иадҳәалоу еиуеиҧшымыз аҿцәажәарақәеи алацәажәарақәеи. 1917 ш. Урыстәыла аҳәынҭқарра рнапаҿы иааргоит абольшевикцәа, Қырҭтәыла ахатә мал аихшара иалагоит. Амчра иахагылаз ақырҭ меншевикцәа реиҳабыра ақыҭанхамҩатә дгьылқәа аагылхара аҳәынҭқарра иарҭеит. Амала ахатәы обиект маҷқәа змаз ирыламкьысӡеит. Мҽхакы ҭбаала аиҭакрақәа ирылагеит Жәабран мза, 1921 шықәсазы. Усҟан Қырҭтәыла иҟаз аиҳабыра ахҳәаны асовет мчра шааиз рылаҳәан, Хәажәкырамза 4 инаркны ахатә мал ду иҟаз зегьы аҳәынҭқарра абанкқәа ирҭаз аҧара зтәыз ирымхны аҳәынҭқарра иатәны иҟарҵеит. Абас ицоз аусқәа ирыхҟьаны Феодорос Балтаджис имаз ихатә мал зегьы ицәыӡит, 200.000 хьтәы ҧарала абанк изалазгьы уахь иналаҵаны. Уаҳа уи аргылаҩ ду алакҭа дҭадмырҧшӡеит инаигӡахьоу аргыларатә усқәа рзы иоураны иҟаз аҧара дуӡӡагьы. Абас ихатә мал иахьазныҟәаз атәылаҿы Балтаджис уаҳа дзаанымгылеит, Бырзентәылаҟа дцарц иӡбоит. Аҟәа инхоз амалуаа ирымырхыз аобиектқәа зегьы абольшевикцәа еимырҵәеит. Амалуаа ақалақь аҿы ирымаз акафеқәа, аҭхаџьырҭақәа, асасааирҭақәа урҭ злархиаз аҩнымаҭәақәа, хәы змаз амаҭәарқәа, иара убас урҭ рхатәы маҭәахәқәа уҳәа зегьы рымкәкәааны иргеит. Асасааирҭа «Сан-Ремо» аҿы инханы иҟаз аҧшәма акыр иаҧсаз ихатәы маҭәахәқәа зегьы уи акәхеит разҟыс ироузгьы. Рацәак хара имгакәа ари ахыбра иаҭаауа иалагеит ақалақь асасцәа. Асасааирҭа уи нахыс уаанӡа еиҧш хархәара арҭо иалагеит. Амшын аҟәараҿы илеи-ҩеиуа зыҧсы зшьоз, аҧсабара аҧшӡара еигәырӷьоз, амшын агәеисыбжь иазыӡырҩуаз, зыфҩы лаҳа-лаҳауа иааиуа акаҳуа бзиа ибаны иаҿыхәоз ари ахыбра ҧшӡа аҧшәмеи, асасааирҭа зыргылоз ауааҧсыреи рацәак рхахьы иааргомызт. Уажәшьҭа амшын аҿықәан ауаа рацәа еилаҧса ҧсшьара изҭаауаз асасааирҭа ҧшӡа иааҧшуан, уи ахыбра акәакьҭақәа руак аҿы аҩналарҭа ашә ҿан, уа ҿыц иаадыртит «Ахәыҷы ицхыраарҭа» ҳәа амаҵзура. Ари асасааирҭа аномерқәа рҿы, уи аахыс зықьҩыла адунеи зегь аҿы еицырдыруа ауаа рыҧсы ршьон. Асасааирҭа ус ишааиуаз Аҟәа ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы акыр зҵазкуа иара убас акультура абогемақәа арҿиара ргәы азыҳәо иҟазҵоз хыбран иҟалеит. 1924 ш. адунеи зегьтәи апролетариат рвожд данҧсы амцабз зыхҟьоз ажәахә ҟаиҵеит Лев Троцки. Усҟан уи Аҟәа дыҟан, агаҿахь ихаз асасааирҭа «Сан-Ремо» абарҵа аҟнытә Ленин иҧсра иазкыз иажәахә иҳәеит. 1930 ш. ари асасааирҭаҿы лыҧсы лшьон апоетесса Мариетта Шагиниан. Аҟәа аҭоурых Урыстәыла аҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Атәыла зегьы аҿы ауаа рнырҵәара иатәыз аҧҟарақәа аус аныруаз, гызмалрыла дыршьит Аҧсны анапхгаҩы Нестор Лакоба. Ари ахҭыс ҟалеит 1936-1937-тәи ашықәсқәа рыҩнуҵҟа, убасҟан ҳҭоурых аҿы зегьы раасҭа ицәгьаз аамҭа ҳанҭагылеит. Асасааирҭа «Сан-Ремо» ахьӡ иҟаз аҭагылазаашьа аныҧшит. 1938 ш. асасааирҭа ахьӡ «Риҵа» ҳәа ирыҧсахит. «Сан-Ремо» ҳәа изныз акыдҩылара кыдхны «Риҵа» ҳәа зныз кыдырҵеит. Хыҵхырҭақәак рҿы 1929 ш. рзы Аҟәа агаҿаҿы игылаз асасааирҭа ахьӡ «Риҵа» акәын ҳәа иарбоуп. Ҿыц амчра знапаҿы иаазгаз акоммунисттә партиа анапхгаҩцәа уаанӡатәи асасааирҭа иадҳәалоу ахҭысқәа угәалазыршәаша зегьы наҟ идырӡуан. Асовет мчра аамҭақәа рзы Аҧсны иҟаз ари асаааирҭа акыр аамҭа аус ауан капиталтә рҽеирак азырмуӡакәа. Ахыбра 70 шықәса анахыҵ, еиҭарҿыцтәуп ҳәа аӡбара рыдыркылеит. Аргыларатә усқәа шьаҭанкыла иҧсахтәын, избан акәзар акыр шықәса амҿтәы ҭӡамцқәа агаҿа аҳауа ӡлачы зхыҵуаз иарбааит, ахыбраҿы рҽеизыргеит аҳәынаҧ хәыҷқәеи аҳәынаҧ дуқәеи. Асасааирҭа 70 шықәса ахыҵразы еиҭарҿыцны иаартын. Уажәы ахаҿы аҧсахит: иқәыргеит абалкон-веранда бзиаӡа, агаҿала ишшәырӡа иҟаз арӷәӷәагақәа зҵагылаз. Абалкон амшын аҿықәаҿ ишьҭоу ажәларқәа зегьы рҿы иуҧыло аекзотикатә ҵиаақәа рыла иҭалаҳан ишыҟоу еиҧш иҟан. Уажәшьҭа уи еиҧшу, убла хызкуаз ахаҿра ахыбра ианубааломызт. Иара убас ирчаҧеит аҭхаџьырҭа акәакьҭа аҟны иамаз аҩналарҭа, уи нахыс ахыбра аҩныҵҟа иҟаз алахҿыхрагьы ыӡит. Раҧхьа ахышәқәа зегьы амодерн иазааигәаз астиль ала иҟаҵан, асасааирҭа арҿыцра аан, урҭ рхаҭыҧан аметаллых хышәқәа, зынӡа изырҩычоз ҳәа акгьы иалаҟамыз иахьатәи арамақәа рыла ирыҧсахит. Арҿыцра аан иқәыргеит ахыб иҩычаны иаҵдаз арешеткақәа, ахыбра аҧштәы шкәакәа ихәышлаҧсаӡа иҟарҵеит. Асовет мчра анеилаҳа, асасааирҭа «Риҵа» зынӡа ихыбгаларц маҷк ауп иагхаз. 1992 ш. ҽаҩраҭагалан зцәа азна ижәны иҟаз ақырҭ солдаҭцәа асасааирҭа амца ацрарҵеит, ахыбра зегьы блит: акупол алыҩрны иҟаҳаит, аҭӡамцқәа заҵәык роуп иаанхаз. Асасааирҭа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит 2001 ш. азы Ианырблы инаркны 15 шықәса рышьҭахь, 2007 ш. азы асасааирҭа «Риҵа» еиҭа иаартын. Асасааирҭа аҩынтәтәи аиҭаира ихьӡ адҳәалоуп аҧсуа наплакҩы Беслан Быҭәба, иара убас афирма «Чагьам – 2000». Ҧхьаҟатәи аплан аҿы иарбоуп СПА асалони, аӡҭарчы, аконференц-зали рыглара. Асасааирҭа «Риҵа» ақалақь архитектуратә баҟак аҳасабала маӡала иҭәу даҽа романтикатә ҟазшьакгьы амоуп – иара иахьа ақалақь аҿы инхо ауааи 100 ш. рышьҭахь инхоз ауааи еимаздо акәны иҟоуп.
https://ritsa-hotel.com/abh/asasairta/asasaair-a-a-ourykh
2024-02-28T11:45:06Z
<urn:uuid:634d7f0b-e208-42e3-8715-fa45e0be0767>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
21
14,835
tlsh:T1A49E7D62AD40CF4BC5B3C099DB918E316CD1580747667260CDC5F475A24A0A9FAFCD139AEBEC464BA0DF1512E162BF51A909BCF9287DBEE3709200652D3F28DE27A479C99F
Украинатәи амедиа адыррала, Урыстәыла, Киев ахырхарҭала, абаллистикатә ракета „Искандер“ дәықәнаҵеит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Украинатәи амедиа адыррала, Урыстәыла, Киев ахырхарҭала, абаллистикатә ракета „Искандер“ д... Иҵегь аҭагалара Украинатәи амедиа адыррала, Урыстәыла, Киев ахырхарҭала, абаллистикатә ракета „Искандер“ дәықәнаҵеит 13:18, 11.11.2023 Иахьа шьыжьымҭан, Урыстәыла, Киев ахырхарҭала абаллистикатә ракета „Искандер“ дәықәнаҵеит. Ари атәы ааицҳаит Киев аокругтә администрациа аиҳабы Сергеи Попков. „52 мшы инагӡоз аангылара ашьҭахь, аҕа Киев азы аракетатә жәыларақәа рымҩаҧгара деиҭалагеит! Аракета Киевынӡа изымнаӡеит, аҳаиртә мчқәа уи Киев аҭаларҭаҿ икарыжьит“, – иҳәеит Попков. Киев аокругтә администрациа аинформациала, Урыстәыла ала идәықәҵаз даҽа ҩ-ракетак адәаҿы икаҳаит, ахатә ҩнык аҧхасҭа аиуит. Иҭахаз ма ахәрақәа зауз ирзыкны аинформациа иҟам. АДУНЕИАҾЫ Аибашьра Украинаҿ урыстәыла-украинатә еибашьра 3 Еиҧшу Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп Украина ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа Бахмуҭ ахырхарҭала ҧхьаҟа ицан, анхарҭатә пункт Ивановское хәҭак ааныркылет Урыстәыла ала Харьков аракетатә ажәылара амшала аҭырқәа журналистцәа аахақәа роуит Белгород алахысра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 24ҩык рҟынӡа Иаха Харьков алахысра амшала, 20ҩык иреиҵамкәа, британиатәи ажурналистгьы, ахәрақәа роуит Telegram-каналқәа рыла аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, аҕба "Новочеркасск" ажәылара амшала 33ҩык амшынуаа хабарӡа иӡит ҳәа иҧхьаӡоуп, 25ҩык ахәрақәа роуит, аӡәы дҭахеит Витали Кличко иҳәамҭала, аракетатә аахарақәа рымшала, Киев ахәыҷтәы хәышәтәырҭеи анхарҭатә корпуси аҧхасҭа роуит, 23ҩык аахақәа роуит Урыстәыла ала украинатәи ақьалақь Херсон алахысра амшала аҭынчуаҩк дҭахеит Иаха Урыстәыла 12 адронқәеи амҵәыжәҩатә ракетеи рыла Украина иажәылеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра - Украина, адронқәа рыла, урыстәылатәи аҵакырадгьыл иажәылеит Амш зеиҧшрахо 10° амҽ Қaрҭ ашә 11° аҩ 14° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/wkrainati-amedia-admrrala-wrmstmla-kiev-axmrxar%D2%ADala-aballistikat-raketa-iskander-dmqnaceit/
2024-03-03T04:56:42Z
<urn:uuid:81c14f50-553a-433e-8f50-bf7b9bc54b44>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.64
0.95
47
5,044
tlsh:T1745FDCA17B40DB8FCAB3C02D9AA18A353CA1690B5722F160CDC9F4B55696199EFFCC03A9BEFC555E209B0512E166BF111509BCE614BEBFDB600200E06E2E65EE33D476C6DF
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит аблачымазара змоу Аҧсны ауааҧсыра рыхәышәтәреи раҧхьатәи офтальмологиатә ҭҵаара амҩаҧгареи рзы Москвантәи иааз гәыҧҩык аҳақьымцәа рҧылара. Аиҧылара далахәын аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Шамиль Аӡынба, агәабзиарахьчара азҵаарақәа рзы Ахада иабжьагаҩ Едуардом Быҭәба. Ахада иабжьагаҩ Едуард Быҭәба асасцәа аҳәынҭқарра ахада ирдыруа, иазгәеиҭеит урҭ аблачымазара змоу ауааҧсыра рыхәышәтәразы Аҧсныҟа ишааз. «Ари апрограмма аҳәаа иҭагӡаны иналукааша урыстәылатәи аспециалистцәа-офтальмологцәа имҩаҧыргараны иҟоуп атәыла араионқәа зегьы рыҟны аблачымазара змоу ауааҧсыра рзы раҧхьатәи офтальмологиатә ҭҵаара. Уажәы Аҧсныҟа раара аан раҧхьа Аҟәа ала ҳалагоит, нас Аҧсны араионқәа зегьы рыҟны ачымазҩцәа гәаҳҭоит»,- иҳәеит Быҭәба. Уи иҳәеит иара убас ари аусура Аҧсны Агәабзиарахьчареи аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Шамиль Аӡынбеи русеицурала ишымҩаҧысуа. Н.И. Пирогов ихьӡ зху Урыстәылатәи амилаҭтә ҭҵаарадырратә медицинатә университет офтальмологиа акафедра аиҳабы Игорь Медведев Ахада иеиҳәеит ачымазара раҧхьатәи аҭҵаара амҩаҧгареи уи ашьақәыргылареи рзы Аҟәа ақалақь ахәышәтәырҭатә усбарҭақәа рахь аныҟәара аплан атәы. «Ари ҧышәа бзиоуп Аҧсны аус зуа аҳақьымцәа рызгьы. Иара убас ҩ-медицинатә ҵараиурҭак рхаҭарнакцәа ҳацны ишааз ала, шәара шәыспециалистцәа рдырра, рҧышәа аизырҳаразы ари лшара бзиоуп». Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит, ари еиҧш апроектқәа хықәкыс ишрымоу ҳмилаҭ ргәабзиара аиҕьтәразы аҭагылазаашьақәа раҧҵара. «Ҳара ҳусураҟны ихадароу ахырхарҭақәа ируакуп ҳтәылауаа ргәабзиара аиҕьтәра. Агәабзиарахьчара аминистрра ари аганахьала гәацҧыҳәарала аусура иаҿуп, ҳтәылауаа рыхәышәтәра ҳасаб азуны, иҷыдоу амыругақәа раахәаразы уи хазы аҧаратә хархәагақәа азкны иҳамоуп»,- иҳәеит Ахада. Рыцҳарас иҟалаз, атәылаҟны згәы бзиам ауааҧсыра ыҟоуп, урҭ агьмаҷӡам, аӡәырҩы иахьгьы атәыла анҭыҵ ҽыхәышәтәра имцар анамуа ыҟоуп, - иациҵеит иара. Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит, ачымазарақәа раҧхьатәи рыҭҵаара ашьҭахь иаҭаху азгәаҭаны ианыҟалалак, гәҭакыс ишрымоу, аҳақьымцәа арахь иааҧхьаны аҭыҧаҟны зтехнологиаҳараку аҧҟарақәа рымҩаҧгара. «Шамахамзар, ачымазҩцәа реиҳараҩык быргцәоуп, урҭ аҳәынҭқарра анҭыҵ ацара рцәыуадаҩуп. Агәабзиарахьчара аминистрреи ҳареи ҳаицхырааны атәыла аҩныҵҟа аҧҟарҭақәа азҳархиот жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу ахәышәтәырҭақәа рыҟны имҩаҧырго аҧҟарақәа ара рымҩаҧгаразы», - иҳәеит иара. Аҳақьымцәа русуратә визит аҳәаа иҭагӡаны иазгәаҭоуп атәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аспециалистцәа рҧылареи Аҟәа ақалақь ахәышәтәырҭақәа рыҟны ачымзаҩцәа рыдкылареи. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2219/
2024-02-29T08:30:06Z
<urn:uuid:c9526582-1b93-4e7d-8a3f-8f42680a091b>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.83
0.98
12
5,539
tlsh:T17EE3C8B16B40CB4BC573C45DCE825F3568C16C4A4267B621CECEF4B54642059EAFCD23EAFBE8058AB0DB1521D125BA156A0AFDEA597EAAD3301300B1793F7CDD37A076C16E
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы анҭыҵтәи аилатәара мҩаԥигеит. Астатиақәа Аиааира ргеит Жәабран 15, 2024 Наталиеи Христинеи Симониаа аҿыбӷаҟазара-спорттә клуб «Виват Россия» аԥхьахәқәа ргаразы амуниципалтә еицлабрақәа рҿы аиааира ргеит. Астатиақәа Ахьшәашәарақәеи амшцәгьақәеи анеицыла Жәабран 15, 2024 Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоуи Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат аҟны иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилаки жәабранмза 6 инаркны иалагалахо ашколқәа рҿы аҵара асааҭқәа ирықәшәо афымцамч арцәаразы аграфик ҿыц инамаданы ӷәӷәала агәҭынчымра аадырԥшуеит. Астатиақәа Ахыншьалара зегьы ирылам... Жәабран 15, 2024 Аҧсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит: «Ҭәи млашьи зеибадыруам». Аиашазы, мариала, амазеи иашьцыланы, уи ала зхы ныҟәызго ахаангьы ихаҿы иааигарц дашьҭалом, иагьизеилкаауам ахныҟәгара зцәыуадаҩу, аҳәынҭқарра аҟнытә ауалафахәы 10 нызқь мааҭ зауа, уи ала инхо ауаа рыбзазашьа. Ҳауниверситет аҿы – ацентр ҿыц Жәабран 15, 2024 Ианвар анҵәамҭазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет даҭааит Москватәи Иреиҳаӡоу аекономикатә школ аректор, афизика-математикатә наукақәа ркандидат Никита Иури-иԥа Анисимов. Араҟа аекономикатә факультет астудентцәеи, ауниверситет арҵаҩратә еилазаареи алархәны имҩаԥыргеит аиԥылара. Астатиақәа Абиԥарақәа ирхамышҭуа Жәабран 15, 2024 Ԥшь-жәашықәсак инареиҳаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аԥсуа доуҳа арҿиареи, уи иауасхыру амилаҭтә литература абзиабареи аҿар рылааӡара знапы алакыз, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Лиудмила Арзамеҭ-иԥҳа Хьыбба диит 1954 шықәсазы, Аҩадатәи Ешыра ақыҭан, иҿырԥшыгоу аԥсуа ҭаацәара, ауаҩ нага Арзамеҭ Хьыбба иҩнаҭаҿы. Аӡиа Риҵа аԥшаҳәаҿы Жәабран 15, 2024 Аӡиа Риҵа аԥшаҳәаҿы атерроризм аҿагылареи аиқәырхареи рхырхарҭа змоу анапхгарабжьаратә атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Астатиақәа Ахыб рыԥсахуеит Жәабран 15, 2024 Гәдоуҭа ақалақь агәаҿы игылоу араионтә пошьҭа, абиблиотека, ателехәаԥшра ахьыҟоу ахыбра ахыб рыԥсахраны иҟоуп. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ареспубликатә биуџьет ахарџь ала имҩаԥысуеит. «Ахыбра ахыб аԥсахразы иазоужьхеит 17 млн. мааҭ инареиҳаны. Уажәы ажәытә хыб ахыхреи аҿыц аҟаҵареи рзы аусурақәа мҩаԥысуеит», – адырра ҟаиҵеит Гәдоуҭа араион Ахадара аинформациеи ауаажәларра рымадареи рзы аҟәша аспециалист хада Арнольд Ӡари-иԥа. Ахыб аԥсахра иазку аусурақәа ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ихыркәшахароуп. Астатиақәа Агәалашәаратә ԥараҿырпқәа Жәабран 15, 2024 Аԥсны Амилаҭтә банк агәаларшәаратә ԥараҿырԥқәа «Кавказ ажәларқәа» ҭнажьит. Аԥараҿырпы ахәԥсаҵәҟьа 200 ԥсар рҟынӡа инаӡоит. Зынӡа 1000 цыра ҭыжьуп. Абри атәы аанацҳауеит Абанк апресс-маҵзура. Аминистрра аделегациа – Аԥсны Жәабран 15, 2024 Уыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Киут иааԥхьарала Аԥсныҟа иааит, – адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Урыстәылатәи иколлегацәа бзиала шәаабеит ҳәа дырԥыло, Аԥсны амчратә хылаԥшырҭақәа анапхгарабжьаратәи атактикатә ҽазыҟаҵарақәа рылахәхаразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Роберт Киут жәларбжьаратәи атерроризм, абџьари анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа аҳәаа иахыганы наҟ-ааҟ реикәыршара аганахьала ацәгьоурақәа раԥхьырҟәҟәаареи, ацәгьоуцәа рыԥшаареи, раанкылареи уҳәа ахырхарҭақәа рыла анапхгарабжьаратә усеицура қәҿиарала аҿиара шамоу азгәеиҭеит.
https://gazeta-apsny.info/itemlist/user/806-aslan?start=20
2024-02-24T14:52:29Z
<urn:uuid:c76c6c0b-2b86-405d-8bfd-af60947f0a27>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.97
1
30
6,175
tlsh:T1737793D14740DF8BC5B3D0888981893518C16C4742267231CE89F470154609DEBFCD13EAFAFC1649B4DF1621D295AE15AA0EFCF915BD7EE3718600A07D6F34DE27A472D6AE
Аԥсны Аҳәынҭқарра (Аԥсны) – ихьыҧшыму, идемократиатәу, изинтәу ҳәынҭқарроуп, ҭоурыхла ишьқәгылеит ажәлар аҽҳәаақәҵаразы ирымоу азин инақәыршәаны. Аофициалтә хьӡы: Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳҭнықалақь: Аҟәа Аԥсны аҵакырадгьыл 7 административтә раионк рыла еихшоуп: Гагратәи, Гәдоуҭатәи, Аҟәатәи, Гәылрыԥшьтәи, Очамчыратәи, Ҭҟәарчалтәи, Галтәи. Аҳәынҭқарратә бызшәа: Аԥсны ҳәынҭқарратә бызшәас иҟоуп аҧсуа бызшәа, аурыс бызшәа аҧсшәа инаваргыланы амилаҭқәа реилибакаара бызшәас иҟоуп. Адинхаҵара: Аԥсуаа реиҳараҩӡак ақьырсиан динхаҵара ныҟәыргоит, иҟоуп иара убас атрадициатә қьабзқәеи, аҧсылманреи, акатолицизми ирықәныҟәо ауааҧсыра. Аԥара: Аԥсны ахархәара амоуп аурыс мааҭ. Иқәынхо ауааҧсыра: 242,0 нызқьҩык. Адгьылҵакыра: Азеиҧш ҵакыра – 8665 км ҧшьыркца ыҟоуп. Мраҭашәарантә мрагыларанӡа – 170 км; аладантә аҩада – 65 км. Зынӡа аҳәаақәа роура - 600 км рҟынӡа инаӡоит, урҭ рыҟнытә 390 км – адгьыл аҟны, 210 км – амшын аҟны. Зегь иреиҳау ашьха: Домбаи-Ульген (4049 м) Аҳәаақәа: Аҧсны аҵакырадгьыл ҳәаақәас иамоуп: ҩадантә – Кавказтәи Ашьхеибаркыра хада, ладантә – Амшын Еиқәа. Мраҭашәарахьала аӡиас Ҧсоу инаваршәны Урыстәылатәи Афедерациа иадуп, мрагыларахь – аӡиас Егры ала Қырҭтәыла иадуп.
https://parlamentra.org/ab/respublika/
2024-02-24T11:47:44Z
<urn:uuid:e916e2ae-1cd6-477f-8ab4-c635666f5bc8>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.82
0.99
17
2,156
tlsh:T1F7D5EC419B80C78BC7B3D1998E934A366DD0AA0743333330AED5B0A5265208DDEFCC1399B9E4254A9CF70152D6037A14540EFDEA697DAED7705250993A2FB9DD37A837C28E
Амилаҭтә литературеи аҳәынҭқарратә библиографиа асектори рыҟәша афонд аҿы еизгоуп, иҳаҩсыз ашәышықәса алагамҭа инаркны иахьанӡа Аԥсни уи анҭыҵи иҭыҵхьоу атәыла иазкны ашәҟәқәа. Ари аҟәша аҟазаара - атәыла акультуратә ԥсҭазаараҿы ицхыраагӡа дууп, аԥсуа жәлар рдоуҳа ахьчареи аҿиареи рзы ихадоу факторуп, Аԥсны аԥсҭазаара аганқәа зегьы ирызку инарҭбаау аинформациа иахыҵхырҭоуп. Афонд иахьатәи аамҭазы ишьақәгылоуп 27 нызқь цыра шәҟәы рҟынӡа, иара убас еиуеиԥшым апериодикатә ҭыжьымҭақәа: агазеҭқәа, ажурналқәа 20 хьӡы инарзынаԥшуа Аԥсны иҭыҵуа рыла. Аинформациатә хыҵхырҭақәа: Аҟәша иамоуп асисематикатә каталоги, аҭыԥантәи акьыԥхьи рыхнаралогиатә каталоги, архив библиографиатә еилыркаагеи. Амилаҭтә литературеи аҳәынҭқарратә библиографиа асектори рыҟәшаҿы еиқәыршәоуп иахьатәи аамҭа иақәшәо иҿыцу техналогиала. 2006 шықәса раахыс, аҟәшаҿы еиҿкаауп аелектронтә каталог. Аҟәша аусзуҩцәа, апрограмма ИРБИС аелектронтә абаза иҭаргалоит Аԥсны иааҭыҵуа агазеҭқәеи ажурналқәеи рыстатиақәа ахҳәаа азуны. Амилаҭтә литературеи аҳәынҭқарратә библиографиа асектори рыҟәшаҿы аусура - аҭакԥхықәра ҳарак ацуп. Дара афонд зегьы ҿырҳәала ирдыруазароуп, афонд ацқьара иацклаԥшроуп, аԥхьаҩ игәаҳәара хымԥада инарыгӡароуп. Урҭ русура иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп атематикатә цәыргақәҵақәа, ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи реиԥылара аиҿкаара, аиубилеиқәа рымҩаԥгара, ашәҟәқәа рӡыргара, уҳәа убас егьырҭ аусҩаԥгатәқәагьы. АМИЛАҬТӘ ЛИТЕРАТУРЕИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ БИБЛИОГРАФИА АСЕКТОРИ РЫҞӘША. Амилаҭтә литературеи аҳәынҭқарратә библиографиа асектори рыҟәша афонд аҿы еизгоуп, иҳаҩсыз ашәышықәса алагамҭа инаркны иахьанӡа Аԥсни уи анҭыҵи иҭыҵхьоу атәыла иазкны ашәҟәқәа. Ари аҟәша аҟазаара - атәыла акультуратә ԥсҭазаараҿы ицхыраагӡа дууп, аԥсуа жәлар рдоуҳа ахьчареи аҿиареи рзы ихадоу факторуп, Аԥсны аԥсҭазаара аганқәа зегьы ирызку инарҭбаау аинформациа иахыҵхырҭоуп. Афонд иахьатәи аамҭазы ишьақәгылоуп 27 нызқь цыра шәҟәы рҟынӡа, иара убас еиуеиԥшым апериодикатә ҭыжьымҭақәа: агазеҭқәа, ажурналқәа 20 хьӡы инарзынаԥшуа Аԥсны иҭыҵуа рыла. Аинформациатә хыҵхырҭақәа: Аҟәша иамоуп асисематикатә каталоги, аҭыԥантәи акьыԥхьи рыхнаралогиатә каталоги, архив библиографиатә еилыркаагеи. Амилаҭтә литературеи аҳәынҭқарратә библиографиа асектори рыҟәшаҿы еиқәыршәоуп иахьатәи аамҭа иақәшәо иҿыцу техналогиала. 2006 шықәса раахыс, аҟәшаҿы еиҿкаауп аелектронтә каталог. Аҟәша аусзуҩцәа, апрограмма ИРБИС аелектронтә абаза иҭаргалоит Аԥсны иааҭыҵуа агазеҭқәеи ажурналқәеи рыстатиақәа ахҳәаа азуны. Амилаҭтә литературеи аҳәынҭқарратә библиографиа асектори рыҟәшаҿы аусура - аҭакԥхықәра ҳарак ацуп. Дара афонд зегьы ҿырҳәала ирдыруазароуп, афонд ацқьара иацклаԥшроуп, аԥхьаҩ игәаҳәара хымԥада инарыгӡароуп. Урҭ русура иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп атематикатә цәыргақәҵақәа, ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи реиԥылара аиҿкаара, аиубилеиқәа рымҩаԥгара, ашәҟәқәа рӡыргара, уҳәа убас егьырҭ аусҩаԥгатәқәагьы. АТӘЫМ БЫЗШӘАҚӘА РЫЛА АЛИТЕРАТУРА АҞӘША Атәым бызшәақәа здыруа, урҭ зҵар зҭаху Амилаҭтә библиотека хыԥхьаӡара рацәала иаҭаауа аԥхьаҩцәа рахь иахыԥхьаӡалатәуп. Дара рзоуп изеиҿкаазгьы атәым бызшәақәа рыла алитература аҟәша. Аҟәша иамоуп асахьаркыратә литература, арҵагатә литература, ажәарқәа, аилыркаагақәа, аенциклопедиақәа 40 бызшәа рҟынӡа ашәҟәқәа. Иамоуп иара ахатәы инвернтартә шәҟәы, ихадоу ашәҟәытә каталог, алфавитттә, асастиматикатә каталог, ахатәы картотека. Имҩахыҵуеит арахь аԥхьаҩцәа: аҭҵраадырра аусзуҩцәа, анаука ҭҵааҩцәа, астудентцәа, ашкол хәыҷқәа уҳәа уб. егь. Иамоуп аԥхьарҭатә зал, иара убас аԥхьаҩ ииҭаху ашәҟәы ҭаҩны аҩныҟа игартә аҭагылазаашьа аԥҵоуп. Иаԥҵоуп аелекторнтә база, имҩаԥыргоит ашәҟәытә електронтә каталог. Аҟәша аусзуҩцәа ҵыхәаԥҵәарада имҩаԥыргоит ашәҟә ҿыцқәа рцәыргақәҵақәа. АԤХЬАҨЦӘА РҬАҨРА АСЕКТОР Аԥхьаҩ изы абиблиотека алагоит, аԥхьаҩцәа рҭаҩреи ргәаҭареи рсектор ала. Ара аԥхьаҩцәа абиблиотекахь иҭарыҩуеит, ирырҭоит аԥхьаҩ ибилеҭ, ианаамҭоу имҩаԥыргоит аиҭаҭаҩра. Аҟәша аусзуҩцәа рус хадақәа рахь иԥхьаӡатәуп абиблиотека ахархәаразы абжьгаратә цхыраара рыҭара, урҭ аԥхьаҩцәа ирарҳәароуп изышьҭоу алитература иарбан ҟәшоу иахьыҟоу. Иаԥҵоуп аԥхьаҩцәа рҭаҩратә билеҭ аелектронтә база. АБОНЕМЕНТ АҞӘША Аԥхьаҩцәа еиуеиԥшым адыррақәа ирызку алитература ахьроуа, абонементла рымаҵ ахьыруа аҟәша ауп. Аҟәша аусзуҩцәа хықәкы хадас ирымоуп, аԥхьаҩ дзызҵаауа алитература алхраҿы ацхраара, аелектронтә гаталог ала аԥшаара, уи имоу азҵаараҿы абжьгара иҭара, иара убас, ашәҟәы аԥхьара апропоганда азыруеит. Ари аҟәша аԥхьаҩцәа рацәаҩны изҭаауа ҟәшоуп. Аԥхьаҩ ииҭаху алитература аҩныҟа игар алшоит хә-екземплиарк рҟынӡа жәа-мш, аԥхьаҩ иигаз алитература иҵегь аамҭа ацҵара иҭахызар, уи азыҳәан дааироуп абиблиотекахь, мамзаргьы аҭел дасны иҳәоит, урҭ ашәҟәқәа макьана аус адиуларц шиҭаху. Аҟәшаҟны идырмазеиуеит ашәҟәқәа релектронтә каталог. Аҟәша аусзуҩцәа иҟарҵоит алитературатә цәыргақәҵақәа, ҿыц ироуз алитература ахҳәаа азуны, имҩаԥыргоит еиуеиԥшым амассатә усмҩаԥгатәқәа. АԤХЬАРҬАТӘ ЗАЛ И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә билилотекаҿы аԥхьарҭатә зал зегь реиҳа аԥхьаҩцәеи, аҩызцәеи, асацәеи зҭаауа ҟәшоуп. Ара иуԥылоит аҵаҩцәа, астудентцәа, арҵаҩцәа, аҵарауаа, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рызҟазацәа, хыԥхьаӡара рацәала аԥснытәи ашәҟәыбзиабаҩцәа, араҟа ирымоуп алшара аԥхьаҩ ииҭаху аҭыжьымҭа, алитература ԥшааны идгалара. Иазыхиоуп гәыкала аԥхьаҩ имаҵ аура, аха аҭыԥ аҟны ихы иаирхәароуп, аҩныҟа агара азин рымаӡам. Аԥхьарҭатә зал аҟны иаԥҵоуп аҭагылазаашьа бзиа, аԥхьаҩ дтәаны аус иуртә, даԥхьартә еиԥш. Аԥхьаҩ дарбанзаалак, ихыҵуазаалак ԥкыра амам, уи имаҵи игәаҳәареи нарыгӡоит. Аинформациатә ресурс беиоуп, иара убас аинтернет ухы иаурхәартә аҭагылазаашьа ыҟоуп. Афонд ахьчара иацклаԥшуеит аҟәша аусзуҩцәа. Аԥхьарҭатә зал афонд наӡоит 45639 нызқь рҟынӡа екземплиар. « March 2024 » Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun 1 2 3 4 5 6 7 8 9 10 11 12 13 14 15 16 17 18 19 20 21 22 23 24 25 26 27 28 29 30 31 Tags 70 шықәса ихыҵра 80 шықәса ихыҵра 90 шықәса ихыҵра Борис Ҷолариа В Арӡынба Владимир Анқәаб Владимир Высоцки Краснодар абиблиотека абиблиотекар имш адныҳәалара аекскурсиа аекспозициақәа аиубилеи аицлабра акультура амилаҭ амузеи апроект арҿиара аспорт астудентцәа афестиваль ацәыргақәҵа ашьапылампыл ашәҟәы ашәҟәқәа аҿар аҿыцрақәа
http://nl-ra.ru/index.php?option=com_k2&view=itemlist&layout=category&task=category&id=41&Itemid=673&lang=ap
2024-03-02T13:30:35Z
<urn:uuid:9950b219-c312-4b31-acc7-873f7ebb2ac0>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
0.71
0.99
21
11,208
tlsh:T1695350329940DB8FC573D188CA914D352CC11D028233B3B0CDC5F5B52556019EBFDD13A9FAEA0A8A74EB1615D222BB24AA8BFCEA257C6ED771D240D02D2E35DA27B436D59E
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа диҧылеит Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭдума Ахантәаҩы Виачеслав Володин, Аҧсны официалтә визитла иааз. Ажәабжьқәа Аибашьцәа рбаҟаҿы – ашәҭқәа Ԥхынкәын 09, 2022 Аҧсны официалтә визитла иааз Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭ­қарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәбеи ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҟәа Ахьӡ-Аҧша апарк аҟны игылоу 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан иҭахаз рбаҟаҿы. Ажәабжьқәа Ҭаҭарсҭан Ахада – ҳтәылаҿы Ԥхынкәын 09, 2022 Декабр 4 азы Аҧсны иофициалтәым визитла дааит Ареспублика Ҭаҭарсҭан Ахада Русҭам Минниханов. Урыстәылеи Аҧсни рҳәааҿы уи диҧылеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа. Ареспублика Ҭаҭарсҭан Ахада иаара зыдҳәалоу Урыстәылеи Аҧсни реизыҟазаашьақәа инарҭагӡаны ареспубликақәа рыбжьара аусеицура арҿиара ауп, иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура. Ажәабжьқәа Мышкы Аҧсны – Урыстәыла Аҳәынҭдума аделегациа Ԥхынкәын 09, 2022 Декабр 1. Аҧсныпресс. Аҧшьаша, декабр 1 азы аофициалтә визитла Аҧсны Аҳәынҭқаррахь иааит Ахантәаҩы Виачеслав Володин хадас дызмоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума аофициалтә делегациа. В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи Жәларбжьаратәи аҳаиртә баҕәазаҿы аделегациа ирҧылеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, уи ихаҭыҧуаа Фазылбеи Аҩӡба, Асҭамыр Аршба, Ашоҭ Миносиан, жәларбжьаратәи апарламентбжьаратәи аимадарақәеи аџьынџьуаа рҟны аимадарақәеи рзы Аилак ахантәаҩы Алхас Барцыц, Аҧсны Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин. Аргыларатә усурақәа рымҩаҧысшьа Ԥхынкәын 02, 2022 Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба игәеиҭеит Ареспубликатәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭа алабораториаҿы аргылара-арҽеиратә усурақәа. Алабараториа шьаҭанкыла арҽеира апроект аус адырулеит аҳәынҭеилахәыра «Аҧсныргылара» аспециалистцәа алархәны. Алабораториа ҿыц аргылара аҭаххеит агәабзиарахьчара Аминистрра ашьақәгыла ҿыц ахьаанахәаз инамаданы. Ажәабжьқәа Аҧыза-министр имҩаҧигаз аиҧыларақәа Ԥхынкәын 02, 2022 Ноиабр 23 азы Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб диҧылеит атранспорт аусхк ахылаҧш­разы Урыстәыла Афедералтә маҵзура анапх­гаҩы, Урыстәылатәи Афеде­рациа аҳәынҭқар­ратә транспорттә инспектор хада Виктор Басаргин. Аиҧылара рхы аладырхәит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Краснодартәи атәылаҿацәи Ареспублика Адыгеиеи рҟны аҳәынҭқарратә автомашьынамҩа ахылаҧшра арегионбжьаратә усбарҭа аиҳабы Павел Переверза. 2008-2012 шықәсқәа рзы Виктор Басаргин Урыстәыла арегионтә ҿиара аминистрс дыҟан. Аҧсны ахьыҧшымра аназхарҵа ашьҭахь Урыстәыла арегионтә ҿиара Аминистрра Аҧсны асоциал-економикатә рҿиара апрограммақәа зегьы аус рыдулареи рынагӡареи знапы ианыз усҳәарҭаны иҟан. Аиҧылара аартуа, Алеқсандр Анқәаб Виктор Басаргин ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара хықәкыла дахьалахәыз, ацхыраара ахьыҟаиҵоз азы. «Шәара активла иҟашәҵоз ацхыраареи хаҭала шәалахәреи рыла Аҧсны еиҭашьақәыргылан социалла акырӡа зҵазкуа аобиектқәа жәпакы, инагӡан акыр иаҧсаз апроектқәа, убрахь иналаҵаны ақыҭа нхамҩаҿгьы, абри аҟнытә, ҳара еснагь шәаҳгәалашәоит, ҳаҭыр зқәу Виктор Фиодор-иҧа, ҳагьаз­хиоуп убасеиҧшҵәҟьа лҵшәа­бзиала аусеицура», – иаҵишьит Аҧыза-министр. Аганқәа рылацәа­­жәеит атранспорт аганахьала Аҧсни Урыстәылеи русеицура хра злоу азҵаарақәа. Аиустициа аминистр Анри Барцыц Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб иеиҳәеит аиустициа Аминистрраҿы ишаладырҵәаз ҳаамҭазтәи аелектрон-цифратә технологиақәа. 2020 шықәса ноиабр инаркны 2021 шықәса февраль азынӡа Аминистрраҿы имҩаҧыргеит аиуристтә хаҿқәеи хаҭалатәи анападкылаҩцәеи рҳәынҭқарратә реестрқәа инхарҭәааны цифрала реибаркра. Ақьаад аҟнытә аелектронтә версиахь ииагоуп 22 980 адокументқәа, аиуристтә хаҿқәа рреестр аҟнытә – 6 000 ақьаадқәа. Барцыц излеиҳәаз ала, аелектрон-цифратә формат мҽхакы ҭбаала аус ауеит. Уи иабзоураны дара ирҭаху аинформациа ашҟа амҩа рзаатуеит аинтерес змоу ахаҿқәеи аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи. Аминистр иазгәеиҭеит уажәы аусҳәарҭаҿы цифрала ишеиқәдыршәауа аҭаацәаралалара Ареспубликатә архив. Уажәазы Афон ақалақь аҟны абарҭ ақьаадқәа цифрала реиқәыршәара нагӡоуп 50% рыла. Аусура иадҧхьалоуп Аҧснытәы аҳәынҭқарратә университет еишьашәалоу азанааҭқәа рстудентцәа. Зынӡаск иааидкыланы цифрала еибыҭатәуп аҳәынҭқарраҿы ауаҩытәыҩсатә ҭагылазаашьа атәы зҳәо анҵамҭақәа 850 000 инареиҳаны. Аҧыза-министр инапы ианиҵеит апроектқәа ирынагӡашьоу азы адыррақәа рыҟаҵара. Ажәабжьқәа Аҧыза-министр имҩаҧигаз аиҧыларақәа Ԥхынкәын 02, 2022 Ноиабр 23 азы Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб диҧылеит атранспорт аусхк ахылаҧш­разы Урыстәыла Афедералтә маҵзура анапх­гаҩы, Урыстәылатәи Афеде­рациа аҳәынҭқар­ратә транспорттә инспектор хада Виктор Басаргин. Аиҧылара рхы аладырхәит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Краснодартәи атәылаҿацәи Ареспублика Адыгеиеи рҟны аҳәынҭқарратә автомашьынамҩа ахылаҧшра арегионбжьаратә усбарҭа аиҳабы Павел Переверза. 2008-2012 шықәсқәа рзы Виктор Басаргин Урыстәыла арегионтә ҿиара аминистрс дыҟан. Аҧсны ахьыҧшымра аназхарҵа ашьҭахь Урыстәыла арегионтә ҿиара Аминистрра Аҧсны асоциал-економикатә рҿиара апрограммақәа зегьы аус рыдулареи рынагӡареи знапы ианыз усҳәарҭаны иҟан. Аиҧылара аартуа, Алеқсандр Анқәаб Виктор Басаргин ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара хықәкыла дахьалахәыз, ацхыраара ахьыҟаиҵоз азы. «Шәара активла иҟашәҵоз ацхыраареи хаҭала шәалахәреи рыла Аҧсны еиҭашьақәыргылан социалла акырӡа зҵазкуа аобиектқәа жәпакы, инагӡан акыр иаҧсаз апроектқәа, убрахь иналаҵаны ақыҭа нхамҩаҿгьы, абри аҟнытә, ҳара еснагь шәаҳгәалашәоит, ҳаҭыр зқәу Виктор Фиодор-иҧа, ҳагьаз­хиоуп убасеиҧшҵәҟьа лҵшәа­бзиала аусеицура», – иаҵишьит Аҧыза-министр. Аганқәа рылацәа­­жәеит атранспорт аганахьала Аҧсни Урыстәылеи русеицура хра злоу азҵаарақәа. Аиустициа аминистр Анри Барцыц Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб иеиҳәеит аиустициа Аминистрраҿы ишаладырҵәаз ҳаамҭазтәи аелектрон-цифратә технологиақәа. 2020 шықәса ноиабр инаркны 2021 шықәса февраль азынӡа Аминистрраҿы имҩаҧыргеит аиуристтә хаҿқәеи хаҭалатәи анападкылаҩцәеи рҳәынҭқарратә реестрқәа инхарҭәааны цифрала реибаркра. Ақьаад аҟнытә аелектронтә версиахь ииагоуп 22 980 адокументқәа, аиуристтә хаҿқәа рреестр аҟнытә – 6 000 ақьаадқәа. Барцыц излеиҳәаз ала, аелектрон-цифратә формат мҽхакы ҭбаала аус ауеит. Уи иабзоураны дара ирҭаху аинформациа ашҟа амҩа рзаатуеит аинтерес змоу ахаҿқәеи аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи. Аминистр иазгәеиҭеит уажәы аусҳәарҭаҿы цифрала ишеиқәдыршәауа аҭаацәаралалара Ареспубликатә архив. Уажәазы Афон ақалақь аҟны абарҭ ақьаадқәа цифрала реиқәыршәара нагӡоуп 50% рыла. Аусура иадҧхьалоуп Аҧснытәы аҳәынҭқарратә университет еишьашәалоу азанааҭқәа рстудентцәа. Зынӡаск иааидкыланы цифрала еибыҭатәуп аҳәынҭқарраҿы ауаҩытәыҩсатә ҭагылазаашьа атәы зҳәо анҵамҭақәа 850 000 инареиҳаны. Аҧыза-министр инапы ианиҵеит апроектқәа ирынагӡашьоу азы адыррақәа рыҟаҵара. Ажәабжьқәа Адашшылара Ԥхынкәын 02, 2022 Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа адашшылара шәҟәы изишьҭит Ареспублика Беларус Апрезидент Алеқсандр Лукашенко, ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ахада Владимир Макеи иаалырҟьаны иҧсҭазаара дахьалҵыз инамаданы. «Ҳара даара ҳцәа ҳҭанарӡыӡеит Владимир Владимир-иҧа Макеи иаалырҟьаны иҧсҭазаара иалҵра. Ажәабжьқәа Альфред Какуев 88 шықәса ихыҵит Ԥхынкәын 02, 2022 Аҧсны Жәлар Реизара актәи ааҧхьара (1991 – 1996 ш.ш.) адепутат Альфред Леонид-иҧа Какуев ноиабр 30 азы 88 шықәса ихыҵит. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа 2022 шықәса ноиабр 14 азы инапы зҵаиҩыз Аусҧҟала Альфред Какуев ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара. Актәи ааҧхьара адепутатцәа рыхьӡала дидныҳәаларц, «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара инапаҿы ииҭарц ҳазну аамҭазы Альфред Леонид-иҧа дахьынхо Смоленсктәи аобласт Виазма ақалақь ахь дцеит Леонид Лакербаиа. Ажәабжьқәа Аҽеизгара азхиаразы Ԥхынкәын 02, 2022 Ноиабр 23 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ҳтәылаҿы аҽеизгара аиҕьтәразы аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара азҵаарақәа ирызкны ашәарҭадара Ахеилак алахәылацәа алархәны аиҧылара мҩаҧигеит. Аиҧылара иалахәыз аҳәынҭқарра Ахада иарҳәеит ашәарҭадара Ахеилак аҵыхәтәантәи аилатәараҿы ирыдыркылаз аусмҩаҧгатәқәа ирынагӡашьоу атәы.
https://gazeta-apsny.info/itemlist/user/806-aslan?start=680
2024-02-24T14:59:29Z
<urn:uuid:0170db0f-c915-49c4-9a45-87dde6e2fc16>
[ "footer", "header" ]
[]
abk-Cyrl
0.98
1
0.99
54
14,831
tlsh:T131DDDF625844CB4BC6B3C055CE919A316CC1585B4261B620CEC5B1B0274209CEFFCD13AAFAA4069FA4EF1622D151BE11694AFDEA24BEBFD3715600A57D2F38ED379476C19E
«Жәлабжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала апроект ҽыц аусура иалагеит. Уи хьӡыс иамоуп «Ани амаалықьи». Апроект аҧсуа ҭаацәарақәа рҿы ҿыц ииуа ахәыҷқәа ирызкыуп. Даара агәырӷьара зцу хҭысуп, аҭаацәараҿы ахәыҷы иира. Уи ҳара ҳфонд адгылара анаҭоит. Убри азыҳәан иҳархиеит аҳамҭақәа, ан лымаалықь иааӡараҿы ацхыраара лнаҭоит ҳәа хықәкыс иҟаҵаны. Уи еиднакылоит ахәы зҭарҵо аҧаҭлыкақәа, ацәымҳа, ашоурашәага, акремқәа уҳәа. Убри инаҷыданы, ахәыҷы ииашаны иааӡараҿы ан лхы иалырхәо ашәҟәы, ахәыҷқәа рзы аҧсуа шәҟәқәа, ахәыҷқәа рашәақәа зну адиск. Урҭ зегьы рхаҭабзиара ҳаракыуп, ан лзы ихәарҭоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Ҳапроект иаҵанакуеит фымз рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа змо аҧсуа ҭааҵәарақәа. Аҟәа ақалақьи, Аҟәа раион инхо, ҿыц ахшара зауз аҭаацәарақәа, ас еиҧш иҟоу аҳамҭа роурц рылшоит афонд аофис аҟны. Ҳара ҳҭыӡҭыҧ: Аҟәа ақалақь, Пушкин имҩа 16, «Гәдоу-плаза» ахыбра, ахәбатәи аихагыла. Ҳреспублика егьырҭ араионқәа рҟны инхақәо рзы, афонд ахаҭарнакцәа, дара зҵазкуа араионқәа радминистрациақәа рахь инаргоит, апроект зықәныҟәо аҧҟарақәа заа иреилыркааны, нас аҭыҧаҟны ирзеихыршоит. Ҭаацәацыпхьаӡа уи роурц рылшоит ахәыҷы ииразы Аршаҳаҭгала. Адемографиеи Арепатриациеи Асоциалтә Статистика проектов «Ани амаалықьи» 10 . «Ани амаалықьи» ԥшьнызқьтәи аҳамҭа ианашьан Гостиев Лаван 5 . «Ани амаалықьи» 9 . Апроект «Ани амаалықьи» Гагратәи араион аҿы 4 . Леон Џьынџьал -апроект «Ани амаалықьи» азықьтәи ахәыҷы. 8 . Апроект «Ани амаалықьи» нагӡоуп Уарча ақыҭа 3 . Апроект «Ани амаалықьи» Гәдоуҭа араион аусура иацнаҵеит 7 . "Ани амаалықьи" ҩнызқьтәи аҳамҭа ранашьан Шьаҟрылаа рҭаацәа 2 . Апроект «Ани амаалықьи» аусура иацҵоуп Аҧсны араионқәа рҟны. 6 . Апроект «Ани амаалықьи» аусура иацнаҵоит 1 . «Ани Амаалықьи» апроект ала раҧхьатәи аӽамҭақәа рнапаҿы ирыҭоуп.
http://www.fondapsny.org/ab/ani-amaalyki
2024-03-01T08:06:23Z
<urn:uuid:cb9ba05e-fd9e-4f7e-a05d-51eac4f0ae4a>
[]
[]
abk-Cyrl
0.91
0.8
0.98
10
3,197
tlsh:T131E173614904CF4FDAB3C596AA818A355CD01407D3B3A3218EC778784546199FAFCD13657BFD0A6660AF1011E226BA60BA1EACDC393DAFD7614241E07C2F35DD0BA972C6AE
Адоуҳатә-культуратә ҭынха беиа змоу Пицунда – Аԥсны ихадоу қьырсиантә центрны иҟан акыраамҭа. Пицундатәи аныхабаа иахьагьы аорӷантә музыка абзиабаҩцәа зҭаауа ҭыԥуп. Ақалақь аԥшӡара, аҳауа азҩыдара, ашәаԥыџьаԥ, амшын аԥшаҳәа, асадкылара ирбоз ихнахуан есымшагьы Аԥсны иаҭаауа асасцәа, атуристцәа. Рлагаламҭа дууп Пицундаа рҵеицәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааираҟны, хашҭра ақәым иаадырԥшыз афырхаҵара. Урҭ аӡәырҩы ҳаԥсадгьыл Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит. Рыхьӡ кашәара ақәым ҳ-Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа - ахьӡырҳәагақәа! Иахьагьы Пицунда амалқәа зегьы иреиҳауп ара иқәынхо, ихандеиуа ауаа, зықалақь гәакьа иамаз ахыԥша бзиа мырӡкәа иаазго. Аныҳәатә гәалаҟазаара шәыгымзааит! Ҩнаҭацыԥхьаӡа игалааит ахәыҷы иччабжь! Еизҳазыӷьалааит, иҿиалааит ақалақь Шәаргьы ҳаргьы ҳусеицурала. Ҽаанбзиала шәнеиааит, акыр иаԥсоу пицундаа! Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15867/
2024-02-29T09:23:59Z
<urn:uuid:760709f5-d709-40db-84b8-b7d16be2a0e7>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.84
0.87
0.95
15
2,373
tlsh:T16E2BDB418C808B8FCBB7D5A9DF914D3128C05842436237A0CE86F5B241411A9FFFCD13D6FFE5254A69EF1121C162B610A80EECE925BDAAE7309250E02C3F79D827A475C5AE
Леван Давиҭашвили – Ҳара хықәкыс иҳамоуп Китаи еиуеиҧшым ақалақьқәа рахь есымша жәаба раҟара ареисқәа рымҩаҧгара 19:07, 29.05.2023 Павел Ҳерчински - Қырҭтәыла авице-аҧыза Евроеидгыла 27 ҳәынҭқаррақәа рыхьӡала иаҳҳәеит Урыстәылаҟны ишиашо аҧыррақәа рыдкылара иазку Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ҳшаргәамҵуа
https://1tv.ge/lang/ab/news_tag/ishiasho-aphmrraqa/
2024-02-26T17:20:51Z
<urn:uuid:671d0d2e-9103-4f2e-bef8-3f4dc7e8fad9>
[]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.67
1
3
550
tlsh:T1A46A1EF024888B479223C454CE52CF313DA2E9520172A320CDA5B411075A014EFFCD138AFDF4088E34930A12D0473F2962698DDBB87EEED6F05680B49C3F2ADD33A03189AE
Иугославиатәи аибашьрақәа – ари 1991–2001 шықәсқәа рыбжьара уаанӡатәи Иугославиа аҵакырадгьыл аҟны аҭыԥ змаз, атәыла хзырбгалаз бџьаршьҭыхлатәи конфлитқәоуп. Иугославиатәи аибашьрақәа реиҳарак асербцәа рыбжьара аҭыԥ змаз амилаҭбжьаратә конфликтқәан, асловенцәеи, ахорватцәеи, абоснииццәеи, албанеццәеи рганахь ала. Даҽа ганкахьала ахорватцәеи абосниеццәеи рконфликт, насгьы аконфликт раԥхьа ахорватцәа рганахь ала адгылара змаз, аха анаҩс Мраҭашәаратәи Босниатәи Ареспублика асербцәеи, Алиа Изетбегович дызхагылаз Ареспублика Босниа Герцеговина аԥсылман мчрақәеи, Ҩадатәи Македониа македониааи албаниааи рыбжьара аконфликт, аетникатәи адинхаҵаратәи еиҿагыларақәа рыла ицәырҵыз. Иугославиатәи аибашьрақәа Адунеизегьтәи Аҩбатәи аибашьра анаҩс Европа иахьаҵанакуа зегь реиҳа ишьаарҵәыраз еибашьрақәан. Арҭ аибашьрақәа раан аҭыԥ змаз ацәгьоурақәа рыҭҵааразы иаԥҵан уаанӡатәи Иугославиа азы Жәларбжьаратәи атрибунал. Аҭоурых. Амилаҭбжьаратә конфликт[аредакциазура | акод аредакциазура] Афедеративтә Республика Иугославиа – абас ахьӡын уаанӡатәи балкантәи атәыла. Иара акыр ареспубликақәа рыла ишьақәгылаз социалисттә тәылан. Уаанӡа иара Иугославиатәи Акралра ҳәа ахьӡ аман, уи ахьӡ аиуит 1929 шықәса рзы Балканы, Сербиа, Черногориа ҳәынҭқарракны ианеидыла ашьҭахь. Иугославиа – ари мрагыларатәи аславианцәа рыдгьыл ауп. Ас еиԥш аилазаара ала ари атәыла Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьранӡа иҟан. Уи аҵакырадгьыл 247542 кв.метра аҵанакуан. Аибашьра ашьҭахь Иугославиа аҵакырадгьыл, Афедеративтә Республика Иугославиа ҳәа ахьӡ змаз, акыр иацлеит, уи иаҵанакуа иҟалеит 255804 кв. км. 1999 шықәса рзтәи адыррақәа рыла, атәыла аҟны инхоз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 24 миллионҩык рҟынӡа инаӡон. Уи аилазаара иалалеит даҽа ԥшь-республикак. Уахь иаҵанакуеит: Босниеи Герцеговинеи, Хорватиеи Мраҭашәаратәи Македониеи, иара убасгьы Словениа. Абри аилазаара ала Афедеративтә ҳәынҭқарра шәышықәсеи бжаки ишьақәгыланы иҟан. 2003 шықәса рзы балкантәи аҳәынҭқаррақәа рхеилак хыбгалеит. Сербиеи Черногориеи, Иугославиа, шьаҭас иамаз, 2006 шықәса рзы дара-дара еидыҵит. Ишьақәгылеит ихьыԥшым даҽа ҩ-ҳәынҭқаррак: Сербиеи Черногориеи. Иугославиа даара идууз, европатәи аҳәынҭқаррақәа ируакыз, еснагь ахорватцәа, асербцәа, аԥсылманцәа ирзеиԥшыз ҩныкны иԥхьаӡан. Аха 90-тәи ашықәсқәа рзы уи даара иуадаҩыз амилаҭбжьаратә конфликт иалагалан. 1992 шықәса рзы Иугославиа азы милаҭтә трагедиахеит, иҭахеит зықьҩыла акагьы зхарамыз ауаа. Уиижьҭеи аҭоурых азы аамҭа ицахьо шмаҷугьы, ас еиԥш адраматә хҭысқәа зыхҟьази, уи ахҟьаԥҟьақәеи ахаҿаагара аҭахны иҟоуп. Аҭыӡшәа зыхҟьаз[аредакциазура | акод аредакциазура] Иугославиа аҵакырадгьыл аҟны инхо ажәларқәа рыбжьара, аетникабжьаратә конфликтқәа даара иҵаулоу аҭоурыхтә шьаҭақәа рымоуп. 1371 шықәса рзы аславиан жәларқәа аҭырқәцәа асербцәа рҵакырадгьыл аҟынтәи иқәырцо иалагеит. Аҭырқәа-османцәа рыла Сербиа анапахьы аагара иахҟьаны, аславиан уаажәларра рыхәҭак аислам динхаҵарахь ихьанарԥшит. Ажәаатәи ашәышықәсазы Австриа знапаҵаҟа иҟаз Габсбургаа рдинастиа, анемеццәеи ачехцәеи рнапҟазацәа Воеводинеи Сербиеи рышҟа ииасны рынхара адгылара азыҟарҵон. Анаҩс, ари аҵакырадгьыл аҟны рынхарҭа аҭыԥқәа рыԥшааит: ауриацәа, абырзенцәа, аерманцәа, авенгрцәа. Аетникабжьаратә конфлитктқәа уаанӡагьы аҭыԥ рыман, жәаҳәарада, аха урҭ реиҳарак османаа, авенгрцәа, анемеццәа ирҿагылаз қәгыларақәан. Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь иугославиатәи адгьылқәа аанрыжьит анемеццәа, Сербиаҟа акәзар, нхара инеит черногориатәи, герцеговинатәи, босниатәи асербцәа. Абарҭқәа ирыхҟьаны ари аҵакырадгьыл аҟны ауааԥсыра ретникатә еилазаара аҟны ахыԥхьаӡаратә еибакапанра аҭыԥ аиуит. Сербиаа еснагь Иугославиатәи аибашьра аҟны активла рҽаладырхуан, ишдыру еиԥш, ари аибашьра жәашықәса иреиҳаны ицон. Уи алагеит 1991 шықәса рзы, иагьхыркәшан 2001 шықәса рзы. Иугославиатәи аибашьра аҵакы аганахьала уахәаԥшуазар, асербцәа ринтересқәа ирконфликтын, уи ишьақәнаргылон лагерк: Харватиа, Албаниа, Босниа, Герцеговина ртәылауаа. Уи анаҩсангьы, амчрақәа реихшара аан Харватиеи, Босниеи, Герцеговинеи рыбжьара аконфликт аҭыԥ аман. Македониатәи аиҿагыларақәа – ари атәыла ахаҭарнакцәеи албанеццәеи рыбжьара арелигиатә ҟазшьа змаз аиҿагыларақәа, аетникатә адҳәалазаара иахҟьеит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ихадароу арратә цәгьоураны иԥхьаӡан агеноциди ауаатәыҩса ирзырхаз азинеилагарақәеи, урҭ аҭыԥ рыман аконфликт аҭыԥ аманаҵы. Иазгәаҭатәуп убас еиԥш афакт, Адунеизегьтәи Аҩбатәи аибашьра аан ишыҟамыз еидысларак, Иугославиатәи аибашьра аан еиԥш ишьаарҵәырахаз. Арҭ арра-граждантә хҭысқәа рыҭҵааразы еиҿкаан анкьатәи Иугославиазы Жәларбжьаратәи атрибунал, уи Гаага иҟан. Атрибунал иаҵанакуеит абас еиԥш аусбарҭақәа: аӡбарҭатә палатақәа ҩбеи апеллиациатәии. Урҭ аӡбаратә усмҩаԥгатәқәеи ахарадҵаҩы имаӡаныҟәгарҭеи ирхылаԥшуан. Иахьа Атрибунал 27-ҩык аӡбаҩцәа рыла ишьақәгылоуп, урҭ рахьтә 15-ҩык еснагь атрибунал аҟны аус зуа роуп. Даара аинтерес зҵоу фактуп, ари аиҿкаара аиурисдикциа иахьаҵанакуа, иалкаау ахаҿқәа ирзырхоу аӡбаратә процессқәа рымҩаԥгара. Анапхгараҭаратә усбарҭақәа русура акәзар, ари атрибунал урҭ ирзырхоу аӡбаратә процессқәа рымҩаԥгара азин амам. Иугославиазы Жәларбжьаратәи атрибунал аҟны зегьы иреиҳау хьырхәроуп ԥсраҽнынӡатәи арбаандаҩра. Иугославиатәи аибашьрақәа зегьы инықәырԥшны х-хәҭакны иушар алшоит, арҭ ахәҭақәа зегьы ахҭысқәа рыҿиашьа анырра ӷәӷәа арҭон. Актәи аетап аҩажәатәи ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы иалкаауп. Уи иаҵанакуан Словениатәи аидысларақәа, урҭ жәамш ицон. Анаҩс Хорватиеи Босниеи рҵакырадгьылқәа рҟны ԥшьышықәса ицон аибашьра. Уи 1992 шықәса инаркны ԥхынҷкәынмза 1995 шықәсанӡа ицон. Аҩбатәи аетап алкаан Иугославиа иаҿагыланы ақәԥарала, НАТО ари аибашьра активла алахәхара ала. Уи цон 1995 шықәса инаркны 1998 шықәсанӡа. Ахԥатәи аетап акәзар, излалкаахаз Косово аҭыԥ змаз аидыслара ала ауп, уи хыркәшан Метохиеи ари арегион аҟны автономтә зхаҵареи рыла. Ари аибашьра цон 1998 шықәса раахыс, иагьхыркәшахеит аҩажәиактәи ашәышықәса ҿыц алагамҭазы Македониатәи аидыслара ала. Ас еиԥш ахҭысқәа ирылҵшәаны Иугославиа зхала иҟоу тәыланы аҟазаара аԥыхын, уи аҵакырадгьыл аҟны ицәырҵит хаз игоу аҳәынҭқаррақәа – Сербиа, Черногориа, Босниа, Герцеговина, Македониа уҳәа реиԥш иҟоу. Актәи бџьаршьҭыхлатәи аконфликт[аредакциазура | акод аредакциазура] Уаанӡатәи Иугославиа аҵакырадгьыл аҟны актәи бџьаршьҭыхлатәи аконфликт цәырҵит асербцәеи ахортватцәеи рыбжьара. Асербцәеи ахорватцәеи реиҿагылара аан иҭахеит 20-нызқьҩык рҟынӡа ауаа (асербцәа реиԥш ахорватцәагьы), ирбган акыр ақалақьқәеи ақыҭақәеи, ареспублика анхамҩа даара ааха ӷәӷәа аҭан, ихҵәацәаны иҟалеит 230-нызқьҩык рҟынӡа асербцәа. 1992 шықәса рзы жәларбжьаратәи аилазаара иҟанаҵаз ақәымчра ала анапы аҵаҩын аҭынчразы аиқәышаҳаҭра аибашьра аанкыларазы, насгьы уи ахацмыркразы, Хорватиа ихьыԥшымыз ҳәынҭқарраны иазхаҵан. 1991 шықәса рзы Босниеи Герцеговинеи инхон аԥсылманцәа-абосниеиццәа (44%), ақьырсиан дин ныҟәызгоз асербцәа (13%), ахорватцәа-акотоликцәа (17%). 1992 шықәса жәабранмзазы имҩаԥысит ихьыԥшым аҳәынҭқарра аԥҵара иазкыз ареферендум, аха уи алҵшәақәа босниатәи асербцәа ақәшаҳаҭымхеит. Дара ирҭахын рхатәы Босниа, ихьыԥшымыз амилаҭтә ҳәынҭқарра аԥҵара. Асербцәа азыхиан Сараевотәи аԥсылманцәеи ахорватцәеи ирыдгылоз ирҿагыланы ақәгылара. Сербиа аиҳабыра рҟынтәи адгылара зауз асербцәа иугославиатәи ар рыцхыраарала аграждантә еибашьра иалагоит. Уи аибашьра иалагалан автономиа зҭахыз аԥсылманцәа (Мраҭашәаратәи Босниа жәлар рхыхьчара), абошниакцәа (Босниеи Герцеговинеи рырратә архәҭақәа), насгьы ахорватцәа (Хорватиатәи вече, Хорватиа ар), иара убасгьы аибашьра иалахәын НАТО амчрақәеи қьырала еибашьуази. Ари арратә еиҿагылара аетникатә рыцқьарақәа ҳәа изышьҭаз ахылҿиааит, босниатәи ауааԥсыра реиԥш асерб уааԥсырагьы ирзырхаз. Аҭоурых арҵагақәа рҟны иазгәаҭоуп аграждатә еибашьра аҟны ишыҟам ииашоуи ахара здуи издыми. Ас еиԥш аибашьра аҟны иршьуа зхыршьаауа урҭ рполитикатә дунеихәаԥшышьа азакәӡам, урҭ зыхдырҟьо иалкаау жәларык иахьаҵанакуа азоуп, ари аибашьра даара игәымбылџьбароу еибашьроуп. Иахьагьы иуадаҩуп ауаа ари аибашьра иалахәу рыԥсихологиа аилкаара, избанзар урҭ ауаа акраамҭа еицынхон, рхәыҷқәа еицырааӡон, аус еицыруан, дара-дара еицхыраауан, еиԥшымзаарас ирымаз рдинхаҵареи рмилаҭтә аҵанакреи заҵәык ракәын, нас сааҭк аҩныҵҟа еиӷацәахеит, еибашьуа иалагеит. Деитонтәи аиқәышаҳаҭра[аредакциазура | акод аредакциазура] Ари аконфликт аганқәа зегьы досу рхатәы иашара рыман. Ас еиԥш азалымдаррагьы ахи аҵыхәеи аилкаара даара иуадаҩын, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаареи НАТО арбџьарымчқәа реиҟәшареи ари аконфликт ахы аланамырхәызҭгьы, изалыршахомызт 1995 шықәса рзы еибашьуаз аганқәа рыбжьара аҭынчра шьақәзыргылоз Деитонтәи аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩра. Иааркьаҿны ари адокумент аҵакы абас еиԥш иҟоуп уҳәар алшоит:[аредакциазура | акод аредакциазура] - уаанӡатәи Иугославиа ахәҭақәа Босниеи Герцеговинеи ҩ-хәҭакны ишьақәгылар ауп – Босниеи Герцеговинеи Рфедерациеи Сербтәи Ареспубликеи (асербцәа ироуит 49% аҵакырадгьыл, ахорватцәеи абосниеццәеи 51%); - ҿыц иаԥҵаз аҳәынҭқаррақәа рҵакырадгьылқәа рахь иалагалахоит НАТО арратә контингент; - араионқәа рҳәаа иашақәа шьақәнаргылоит Арбитражтә комиссиа; - амчра аҟынтәи иамххоит аконфликтқәа ирылахәыз аԥхьагылацәа, Жәларбжьаратәи атрибунал ала ацәгьоурақәа рзы ахара зыдҵаз; - аҳәынҭқарра ахада ифункциақәа нарыгӡалоит Апрезидиум шьақәзыргыло хҩык ауаа – ажәларцыԥхьаӡа рҟынтә ахаҭарнакцәа аӡәаӡәа; - Азакәанԥҵаратә мчы аанарԥшуеит ҩ-палатакны иҟоу Апарламенттә скупшьина: уи аилазаараҿы иҟалоит акы ахԥатәи ахәҭа Сербиатәи Ареспублика аҟнытә, ҩба ахԥатәи ахәҭа Афедерациа Босниеи Герцеговинеи рҟынтә; - амчра асистема зегьы аус аулоит Иреиҳау ахаҭарнак ихылаԥшра ала. Аибашьра ашьҭахьтәи Иугославиа[аредакциазура | акод аредакциазура] Аибашьра ашьҭахьтәи Иугославиа федеративтә ҳәынҭқарраны иаарԥшын, уи иаҵанакуан ареспубликақәа фбеи автономиақәа ҩбеи. Иугославиа ахыбгалара аламҭалазы, 90-тәи ашықәсқәа раан, уа инхоз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 10 миллионк рҟынӡа инаӡон, урҭ рахьтә: 62% – асербцәа, албанеццәа – 17%, черногориаа – 5%, аԥсылманцәа – 3%, авенгрцәа – 3% уҳәа егьырҭгьы. 90-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Сербиеи Черногориеи, асербцәа еиҳа рхыԥхьаӡара ахьырацәаз, еидгылеит, иаԥырҵеит асоиузтә республика Иугославиа. Иаанхаз ԥшь-республикак (Хорватиа, Словениа, Босниа, Герцеговина, Македониа) ахьыԥшымра аиура иашьҭан афедералтә центр аҟынтәи. Избанзар, Македониа асербцәа рхыԥхьаӡара даара имаҷын, ари афакт азгәаҭо, ари ареспублика аинвесторцәа уиаҟара рылахь иааиуамызт азы иалшеит даара ирмарианы ахьыԥшымра аиура, имҩаԥгаз ареферендум иабзоураны. Босниатәи аибашьра алҵшәақәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Босниатәи аибашьра иалҵшәахеит: - ауааԥсыра аҩныҵҟатәи рҭыԥԥсахра, дара рҽеидыркылеит ретно- динхаҵаратә хырхырҭақәа рыла; - ақәратә емиграциа анаҩстәи ашықәсқәа рзы: абосниеццәеи ахорватцәеи рыхынҳәра шьҭахьҟа, Босниеи Герцеговинеи рышҟа; - Босниеи Герцеговинеи еиқәхеит босниатәии хорватиатәии арегионқәа; - аҿар рыбжьара ахатәы идентификациа ӷәӷәахеит, ретникатә имшьҭра инамаданы; - аконфессиақәа зегьы рдинхаҵаратә еиҭаҿиара; - аконфликт зегьы аан иҭахеит 200-нызқьҩык инарзынаԥшуа ауаа; - аихамҩақәа зегьы рбган, ирбган акыр ирацәаны аргыларақәа, ихырбгалан х-нызқь инарзынаԥшуа анхарҭатә ҭыԥқәа, ҩ-нызқь километра амҩақәа ықәган. Деитонтәи аиқәышаҳаҭра Босниеи Герцеговинеи рконституциатә шьақәгылара ашьаҭа аҳаит. Ас еиԥш асистема акыр идузар, насгьы лҵшәа ӷәӷәак амамзар ауеит аха, уи агәреибагара ашьақәыргылара аамҭазы зда ԥсыхәа амам акәын ас еиԥш агәаҟрақәа зхызгаз ажәларқәа рыбжьара. Акырӡа шықәса шыҵхьогьы ари аибашьра хлымӡаах еилгеижьҭеи, уи иааннажьыз ахәрақәа макьанагьы имӷьац. Иахьа уажәраанӡагьы босниатәи ашколқәа рҟны ари аибашьра атәы ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәаӡом. Иаарту зҵаароуп ажәларқәа реиныршәара азҵаара. Иугославиатәи аибашьра иазкны иҭыху афильмқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Убас еиԥш иҟалалоит, акраамҭа уашьҭоуп иалкаау темак иазку афильмқәа. Усҟан, ҿырԥштәыс иаагозар, иреиӷьу америкатәи афильмқәа жәаба ҳәа аԥшаара ҟауҵар, уи иаарласны иуԥшаар ауеит, аха иҷыдоу аспецифика змоу акы уанашьҭоу, ас еиԥш аԥшаара лҵшәадахар алшоит. Уаанӡатәи Иугославиа аҟны аграждантә еибашьра иазку афильмқәагьы зыԥшаара мариам рахь иаҵанакуеит, ари атема иазкны иҭыху афильмқәа шмаҷымгьы. Абар иреиӷьу ҳәа иалкааз Иугославиатә аибашьра иазку афильмқәа жәаба: Спасти Хэррисона (Harrison's Flowers – правильней было бы перевести как «Цветы Хэррисона»), 2000 ш. В тылу врага (Behind Enemy Lines), 2001 ш. Демоны войны (Demony wojny wedlug Goi, также есть перевод названия как «Псы войны»), 1997ш. Ничья земля (No Man's Land), 2001 ш. Вуковар (Vukovar, jedna prica) 1994 ш. Снайперы (Shot Through the Heart – также можно встретить название «Выстрел сквозь сердце»), 1998 ш. Жизнь как чудо – (Život je čudo), 2004 ш. Спаситель (Savior), 1998 ш. Перед дождем (Before the Rain), 1994 ш. Красивые деревни красиво горят (Lepa sela lepo gore), 1996 ш. Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] [1] Иархивитәиз 2021-01-26 ахь Wayback Machine [2] [3] [4] [5] [6] [7] [8] Иархивитәиз 2021-02-08 ахь Wayback Machine [9] [10] [11] [12] Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Иугославиатәи_аибашьрақәа&oldid=133263 Акатегориа: Аибашьрақәа Ицәыргам акатегориа: Webarchive ашаблон wayback азхьарԥшқәа Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 00:17, 4 жьҭаарамза 2023. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D1%83%D0%B3%D0%BE%D1%81%D0%BB%D0%B0%D0%B2%D0%B8%D0%B0%D1%82%D3%99%D0%B8_%D0%B0%D0%B8%D0%B1%D0%B0%D1%88%D1%8C%D1%80%D0%B0%D2%9B%D3%99%D0%B0
2024-02-21T15:29:30Z
<urn:uuid:4ae6eafa-b2ee-48ed-bf3b-5d6c533f9383>
[ "footer", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.93
0.65
0.97
31
24,231
tlsh:T1B7E7F0B28E44CB4BC1B3C559CA90CA3519D1AD038322B221CED5F8B5650609DEFFDD12E6FAEC0A8F749F1212D122FA116F4AFCE525BD7AEB319300A11D7E39D9239476D29E
Роман Гоцириӡе - Узқәиҭым атауарқәа Урыстәылаҟа инагоуп Қырҭтәылантә, Ацентртә Азиа атәылақәа рышҟа Қырҭтәыла аекспорт зеиҧшҟамлац ала иазҳаит, уаантә атауарқәа, уадаҩрада Урыстәылаҟа инаргоит 13:08, 22.11.2023 Каха Калаӡе - Ҳтәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчара ҳаҿуп, асанкциақәа ҳрылахәом 10:35, 03.11.2023 Урыстәыла арратә технологиақәа рыла иацхраауа 130 афизикатәи аиуристтә хаҿқәа рганахь ала ЕАШ асанкциа ҿыцқәа аланагалеит 17:42, 15.10.2023 Қырҭтәыла ахашәалахқәа рзы амаҵзура – Урыстәыла Қырҭтәыла ацхыраарала иџьбароу асанкциақәа ирыцәцоит ҳәа аларҵәара зауз аинформациа – мцуп 13:52, 20.09.2023 Наҭия Турнава – Асанкциақәа рынагӡара апҟара аҧсахра аконкреттә хаҿқәа рыхьчара акәӡам изызку, ари аӡбара Қырҭтәыла атәылауаҩ цыҧхьаӡа иконституциатә зин ахьчоит 13:14, 20.09.2023 TBC Bank – Ҳара жәларбжьаратәи асанкциақәа ҳрықәныҟәоит, асанкциақәа ирышьашәаланы аус аауеит 13:21, 27.08.2023 Жозеп Боррель – 2022 шықәсазы Урыстәыла аекономика маҷхеит 2,1 наӡынала, џьоукы асанкциақәа алҵшәа рхылҵуам ҳәа ргәы иаанагоит, аха, ус акәӡам ишыҟоу 11:09, 19.08.2023 Урыстәыла Британиа аганахьала асанкциақәа дырӷәӷәеит 13:51, 20.07.2023 Аихқәа рдыррақәа рыла, Австралиа Урыстәыла асанкциақәа азышьақәнаргылеит 13:43, 19.07.2023 Вашингтон Кыргызстан асанкциақәа азышьақәнаргылоит 21:11, 03.07.2023 Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Украина ацхаражәҳәарҭа ахаҭарнак агәынамӡара изаарҧшын "Georgian Airways" иазышьақәыргылоу асанкциақәа ирыдҳәаланы, ақырҭуа аган ргәаанагарала, арҭ асанкциақәа шьаҭа рыҵам 17:09, 03.07.2023 Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Украина аамҭалатәи ахаҭарнак иҟны аиҧылара мҩаҧысуеит 16:33, 03.07.2023 Леван Давиҭашвили иҳәамҭала, Украина "Georgian Airways" иазышьақәнаргылаз асанкциақәа аполитикатә ашьаҭа рымоуп 12:23, 02.07.2023 Ҭамаз Гаиашвили - Украина ахада иӡбара џьасымшьеит 13:43, 01.07.2023 Володимир Зеленски 190-ҩык афизикатә хаҿқәеи 290 рҟынӡа аилахәырақәеи асанкциақәа рықәиҵеит, урҭ рыгәҭа "Џьорџьиан еарвеиси" Ҭамаз Гаиашвилии 12:39, 26.06.2023 Мака Боҷоришвили - Евроеидгыла асанкциақәа Қырҭтәылаҿ реилагара ҟамларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит 16:56, 08.06.2023 Рати Брегаӡе – Қырҭтәыла асанкциақәа рывсраҿы аӡәгьы ицхраауам, уи ҟалашьа змам усуп, факткгьы шьақәырҕәҕәам 16:02, 02.06.2023 Гьаргь Какауриӡе - Украина ишьақәнаргылаз асанкциақәа жәларбжьратәи асанкциақәа ракәӡам 11:15, 28.05.2023 Володимир Зеленски 200 инареиҳаны урыстәылатәии беларустәии еилахәырақәа асанкциақәа рзышьақәиргылеит 10:33, 24.05.2023 Шьалуа Папуашвили - Ахьчара агарантиақәа ҳамам, НАТО аҳаргьгьы Евроеидгыла аекономикатә беркетқәагьы ҳрыхьчом
https://1tv.ge/lang/ab/news_tag/asanktciaqa/
2024-03-01T23:20:44Z
<urn:uuid:011e5f3f-59a5-4e6e-9d51-625f4aebcf36>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.62
0.98
32
4,474
tlsh:T1AC452B917A40D74BC1A3C1649B90CD396CD1A81B82226275CF91B8603655018DFFCD136AAEF8089E60AB1912D65ABF61261BFCDA24BEBBD3A14344E51E3D24ED33B835CBDF