content
stringlengths
209
722k
warc-target-uri
stringlengths
13
1.95k
warc-date
stringlengths
20
20
warc-record-id
stringlengths
47
47
quality-warnings
sequencelengths
0
5
categories
sequencelengths
0
4
identification-language
stringclasses
64 values
identification-prob
float64
0.27
1
identification-consistency
float64
0.6
1
script-percentage
float64
0.9
1
num-sents
int64
1
4.28k
content-length
int64
225
1.03M
tlsh
stringlengths
145
145
Авизит иалагӡаны иазгәаҭоуп ареспублика Ахада Рашид Темрезов, аиҳабыра алахәылаҩцәа, Ҟарачы-Черқьестәи Апарламент адепутатцәа, Аҧсны жәлар 1992 -1993 шш. Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, зхатәгәаҧхарала Аҧсныҟа иааны иеибашьыз иҭахаз аибашьцәа рҭынхацәа, ауаажәларра рҧылара 25.04.2015 Рауль Ҳаџьымба Гарри Бигәаа ииубилеи идиныҳәалеит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аветерантә еиҿкаара «Абааш» ахантәаҩы Леон иорден занашьоу Гарри Бигәаа диҧылеит 24.04.2015 Аусҧҟақәа 24.04.2015 Рауль Ҳаџьымба Аҧсны иқәынхо аерманқәа рышҟа иҟаиҵаз ааҧхьара Абарҭ агәалашәаратә алахьеиқәҵаратә амшқәа рзы Аҧсны иқәынхо ааӡаб ду зхызгаз аерман жәлар шәышҟа схы нарханы исҳәарц сҭахуп, адунеи зегьы зырхыџхыџыз ахҭыс хлымӡаахқәа ирылаӡыз аерман жәлар рыхьӡала шәхьааи шәгәырҩеи шшәыцеиҩаҳшо 24.04.2015 Аетнографиатә ансамбль «Ерцахә» аиубилеитә ныҳәа аҭаара Рауль Ҳаџьыимба даҭааит сынтәа аетнографиатә ансамбль «Ерцахә» ҩынҩажәа шықәса ахыҵра иазкыз аиубилеитә ныҳәа 23.04.2015 Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аобиектқәа рыҧхасҭатәра афактқәа ахьырацәахаз инадҳәаланы, Ахада агәҭынчымра инаҭоит Хара имгакәа арҭ азҵаарақәа ирыхәаҧшуеи Ахада имҩаҧигараны иҟоу ҷыдалатәи аилацәажәараҟны 20.04.2015 Рауль Ҳаџьымба даҧылеит Ареспублика Науру аофициалтә делегациа Аделегациа иалахәуп ахада ихаҭыҧуаҩ, Ареспублика Науру афинансқәа рминистр Адеанг Давид Уаиау, афинансқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Хант Мартин Ханси-Саиа, Апарламент аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Акуа Ренин Рендольфи Апарламент адепутат Бурамен Сирили 20.04.2015 Мшаҧы 24 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит ирҿыцу ахкы аусура иалагоит. Мшаҧы 24 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит ирҿыцу ахкы аусура иалагоит. Уи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Аҧсны Ахада Иусбарҭеи русура зныҧшуа ихадоу официалтә хархәаганы иҟалоит. 17.04.2015 Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит Москватәи авизит аҳәаа иҭагӡаны Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изкыз алекциа даҧхьеит 17.04.2015 Ихыркәшоуп Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит Мшаҧы 17 рзы ихыркәшан Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит. Москватәи авизит аҳәаа иҭагӡаны Раули Ҳаџьымба Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изкыз алекциа даҧхьеит, имҩаҧигеит иналукааша урыстәылатәи АИХ рредакторцәаеи Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәеи рҧылара. Ашьыжь аҳәынҭқарра ахада Аҟәаҟа дыҧрит. Ара иҽаилаирхәраны дыҟоуп аҧсуа-аурыс аиҳабырабжьаратә комиссиа реилатәара. 16.04.2015 Афорум азал маҷ аҟны имҩаҧысит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Москва инхо аҧсуа уаажәларреи астудентцәеи рыҧылара Аиҧылара иалахәын Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба, Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, москватәи аҧсуа диаспора ахада Беслан Агрба. 16.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә хеилак Амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба диҧылеит урыстәылатәи иколлега Николаи Патрушев. Аиҧылараҿы ирылацәажәан Аҧсни Урыстәылеи ртәылахьчареи ршәарҭадареи рзеиҧш цәаҳәа. Николаи Патрушев ҩ-ҳәынҭқаррак ршәарҭадаразы агәҽанҵара иазку аусхкқәа разырхиареи рынагӡареи ирызку аусбарҭабжьаратә усеицура алҵшәақәа бзиоуп ҳәа ахә ишьеит. 10.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Москваҟа ивизит. Авизит аҳәаа иҭагӡаны Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изку алекциа даҧхьараны дыҟоуп 09.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба диҧылеит урыстәылатәи арежиссиор Алеқсандр Сокуров Алеқсандр Сокуров Аҧсны Ахада изеиҭаиҳәеит Аҧсынтәыла иаҭаара иадҳәалаз игәаанагара атәы. 24.03.2015 Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Адыгатәылантәи зхатәгәаҧхарала еибашьра иааз хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы иҭаацәа Галинеи Валерии Диколенко дырҧылеит Рауль Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы иҭаацәа атәанчахәы рзаужьразы 21.03.2015 Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Дмитри Медведев Рауль Ҳаџьымба Имшира идиныҳәалеит. Алада иаагоуп адныҳәаларатә цҳамҭа атекст хаҭәааны. 15.03.2015 Ахада Апарламент аҧхьа иеизаз ауаа рышҟа ддәылҵит Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵура иамхразы азҵаара ықәзыргылаз Апарламент аҧхьа иеизаз ауаа рышҟа ддәылҵит. 13.03.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит иааираны иҟоу акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазку аусуратә еилацәажәара. Аилацәажәара аартуа, Рауль Ҳаџьымба дазааҭгылеит атәыла аекономикаҿы атуристтә ҟәша иамоу аҵакы ду. «Ҳара лассы-лассы атуристтә ҟәша ҳекономика ҧхьаҟа аҿиара алзыршо ак акәны ишахәаҧштәу ҳҳәоит, аха уи ибзианы аус аурц азы иҟаҵатәу рацәоуп», - иҳәеит Ахада. 13.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала иаҧҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра акурортқәеи атуризми рзы аминистрра аекономика аминситрра аиҭеиҿкаарала Аминистр ҿыц иныҟәгаразы аныхтәқәа финансла реиқәыршәара алыршахоит 2015 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет азы азакәан аҟны аекономика аминистрра аныҟәгаразы иазгәаҭоу ахархәагақәа рыла. 12.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион актив иаҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа. Хәажәкыра 12, 2015 шықәса, Гал. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион актив даҧылеит. Аиҧылара иалахәын иара убас Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, гал араион аҟнытә Жәлар Реизара адепутатцәа Бежан Убириеи Ахра Кәакәасқьыри, Араионтә Еизара ахантәаҩы Иури Кәакәасқьыр, гал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Темур Надараиа, араион ауаажәларра.
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/8135?print=Y&PAGEN_1=147
2024-02-29T08:33:31Z
<urn:uuid:68827a61-4090-422f-8fd8-5b28d81c15fa>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.77
1
52
9,736
tlsh:T174C517125840CF4BC5F7C4699F915A315DD15C578262B661CEC9F0E00742089EEFCD13A9BAE40A8BA4EB2511E162BF056A0AFCE6257EBED7311200B53E3F38E9378476C59E
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи анемец бызшәеи рыҟәша далгеит аԥсуа бызшәеи алитературеи анемец бызшәеи алитературеи рырҵаҩы изанааҭ ала (1976-1981 шш.) 1986 ш., жәабран 25 инаркны иахьанӡа аус луеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭаҟны редактор хадас. 1997ш., хәажәкыра 10 инаркны иахьанӡа аус луеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны еиҭагаҩыс. 2008 ш., рашәара 1 инаркны иахьанӡаа ус луеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаараҿы еиҭагаҩыс. Ажәеинраалақәа реизга "Аҵх", "Ҵхагәанынӡа шьаҿак" дравторуп, Аԥсуа поезиа антологиаҿ лажәеинраалақәа кьыԥхьуп, Аԥсны иҭыҵуа ажурналқәеи агазеҭқәеи ирнылахьеит лҩымҭақәа.
https://sputnik-abkhazia.info/author_svetlana_ladaria/
2024-03-04T18:06:11Z
<urn:uuid:1490349f-519f-454c-b0f5-a215a3db2c37>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
5
1,223
tlsh:T1C2ECE3214800968BDAF3C0448A810C329DD369679632B2648FD0F464168312EEBBCC139EB668159678AF2221E696AA057A4FFEF5147C3F8331D211C0BE2F70CE36D87DC29D
Агәамч - афонд еснагьтәи проектуп, еизҳауа абиҧара аспорт абзиабара рылааӡара иазкуп. Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, есымза «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҳтәыла ақыҭа школқәа аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәнаршәоит. Ақыҭақәа рҿы аспорт аҿиара ацхыраара аҭара, уаҵәтәи аҧеиҧш лаша иазкуп. Аҿар Статистика проектов «Агәамч» - Аспорт 8 . «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Мықә ақыҭа 4 . Апроект «Агәамч» аусура иацҵоуп Гәдоуҭа араион. 7 . Апроект «Агәамч» аусура иацҵоуп Очамчыратәи аҧшьбатәи ашкол аҟны 3 . «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа Ҷлоу ақыҭа иаҭааит. 6 . Ашьапылампылтә клуб «Самырзаҟан» азы ашәҵатә форма ҿыцқәа 2 . Апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Гагра араион Лӡаа ақыҭан 5 . Апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Гал араион 1 . «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусура хацнаркит апроект ҿыц «Агәамч»
http://fondapsny.org/ab/aguamch
2024-02-21T12:49:33Z
<urn:uuid:76abc1ce-49ac-4e36-8541-494917300d70>
[]
[]
abk-Cyrl
0.8
0.67
0.97
6
1,534
tlsh:T1773176313A48CB1BE077E451E2929F3A5CC0592BD7776B108FE8F134460604AFABCC13A9B3ED0F6774EB1006D3A95A03634DBDC92A78EDE3526256642C3F38E81A9DF5455E
Мадина Шьоуаԥҳа: «Аҭаацәеи ахшареи аилибакаареи агәрагареи рыбжьазароуп.Уи даара ихадароуп ,уи аныҟамла аизыҟазаашьа уадаҩхоит» Понедельник, 12 февраля 2024 18:16 Викториа Џьниаԥҳа: «Арҵаҩы ахәыҷқәа рахь абзиабареи аилкаареи анимоу иусура лҵшәадахоит,ахәыҷгьы ҩныҵҟала иныруеит» Понедельник, 29 января 2024 19:52 Адырраҭара «Ҳара Ҳабиԥара» далахәуп -Ахәыҷтәы Ацаратә центр «Аҟәыбҷа»анапхгаҩы- Саида Шьамаҭааԥҳа. Понедельник, 22 января 2024 21:23 Астанда Курт-оглы:««Аԥсуара» адаҟьа иҭазгалоу ацәаҳәақәа баша жәақәам,урҭ даара сгәы иазааигәоу жәақәоуп» Понедельник, 22 января 2024 19:54 Астанда Аџьбԥҳа:«Схәыҷы аахижьҭеи сзанааҭ бзиа избоит ахәыҷқәа рыбжьы са сзы ԥсыршьагоуп.Исымоу аԥышәа маҷуп,убри аҟнытә сдыррақәа еисзырҳалоит» Понедельник, 25 декабря 2023 19:10 Гәында Гәымԥҳа« Жәипшь шықәса арҵаҩратә усура снапы злаку бзиа исымбар залшом ,сзанааҭ ада сзынхом» Понедельник, 18 декабря 2023 18:27 Витали Џьениа« Ахәышәтәырҭаҿы аԥышәа ду змоу такԥхықәрала иазнеиуа аҳақьымцәа аус руеит.Зегьы ҳхеибарҭәаауеит, аусураҿы ас еиԥш аизыҟазаашьақәа ихадоу атыԥ ааныркылоит Понедельник, 11 декабря 2023 19:47 Илона Шьаданиаԥҳа« Схәыҷы аахижьтеи ҿырԥштәыс сан лакәын исымаз ,убри акәзаргьы ҟалап схы сдыруа саналага инаркны, бзиа изызбаз арҵаҩы изанааҭгьы » Понедельник, 04 декабря 2023 17:36 Ҭамила Џьалаӷониа: «Аусураҿы сыџьбаразаргь, схәыҷқәа даара бзиа избоит, алеишәа аныҟамла ибашахоит ҳџьабаа зегьы»
https://www.radio.apsny.land/ru/proekty/itemlist/category/15-abi-ara-nashe-pokolenie
2024-03-01T13:37:31Z
<urn:uuid:d7eb0868-9b34-49aa-860e-4ace6bc3f36a>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.84
0.9
0.98
10
2,515
tlsh:T15B503D517E48C787E773C0498AC195346CC2654342563150DFD6F1A066050A9EBFCE13EEFEF412BDB4DB20A4E2968E056E18ECF5657C679B60A100B92D7E388E17E47BD1DD
ҧсҭазаараҿы дцәырҵит ҳҭоурых аҿы реиҳа ихьанҭаз аамҭақәа раан. Иара атәыла ахадас дҟалеит, политикала мацара акәымкәа, доуҳалагьы ижәлар аҧызара рызуа. Аҧсны азинқәа рыхьчареи уи ахақәиҭразы ақәҧареи – иҧсҭазаара зегь зқәиҵаз уалҧшьас дазнеит. Владислав Арӡынба. Астудентра ашықәсқәа © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынба, 80-тәи ашықәсқәа © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Аполитикахь Арӡынба дааит аҭҵаарадырра ашҭа дҭыҵны. Мрагылараҭҵаара знапы алакыз, адунеи зыхьӡ адырхьаз аҵарауаҩ инапы алакын ажәытәӡан Азиа Маҷ иқәынхоз ажәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, рхаҵарақәеи рыҭҵаара. Хаҭалагьы, уи иҭиҵаауан ажәытәтәи ахаттцәеи ахеттцәеи. Ахаттцәа, иара излаиҧхьаӡоз ала, аҧсуа-адыга жәларқәа иргәыцхәызар ауеит. Москва исхызгаз сымшқәа зегьы Ажәытәтәи Мрагылара аҟәша иадҳәалан. Уаҟа аусура салагеит с-аспирант қәыҧшны, Мрагылараҭҵаара Аинститут ааныжьны санцоз – Ажәытәтәи Мрагылара аидеологиеи акультуреи рсектор аиҳабыс, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдокторс сҟалахьан. Владислав Арӡынба игәалашәарақәа рҟынтә Владислав Арӡынба истудентра шықәсқәа раан © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынба акандидаттә диссертациа ихьчеит 1971 шықәсазы, адоктортә – 1985 шықәсазы. Мрагылараҭҵаара Аинститут аҿы Ажәытәтәи Мрагылара аидеологиеи акультуреи рсектор напхгара азиуан, 40 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа дравторуп. Владислав Арӡынба аҭҵаарадырратә маҵураныҟәараан Берлин, 1986 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Ҭырқәтәыла, 1969 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Ешыра, 1975 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынба аҭҵаарадырратә маҵураныҟәараан Берлин, 1986 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислава Арӡынба изааигәаз ауаа лассы-лассы иазгәарҭалон, иара аполитикахь иааира хатәгәаҧхарала ишыҟамлаз. Анаҩс иаргьы ииҳәалон аинститут аҿы иусура шыгәхьааигоз, аҭҵаарадырра азыхынҳәра дшазгәышьуаз атәы. Аха ианаҭахха аамҭазы Владислав иоуп аҧсуаа рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара аҧхьагылара аҭаны, шәышықәсалатәи ҳажәлар ргәаҳәа –ахақәиҭреи ахьыҧшымреи риоура – наӡартә иҟазҵаз. Аполиткцәа ирылаҽуа реиҳа ишәарҭоу чмазароуп – амчра рнапаҿы аагара дара рхатә хықәкқәа рынагӡаразы. Владислав Арӡынба 1988 шықәсазы Владислав Арӡынба идыргалеит Аҧсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут дахагыларц. Иара иҧсадгьыл ахь дхынҳәуеит 22 шықәса раахыс Москва инхара ашьҭахь, аҧсуаа рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара агәы ахьеисуаз аинститутгьы дахагылоит. Аибашьра ҟалаанӡатәи аамҭазы, Владислав Арӡынба ида, сара издыруаз аҧсуа политикцәа рыбжьара аӡәгьы дазыхиамызт амилаҭ рлахьынҵазы аҭакҧхықәра нагӡа агара. Амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара аидеологс аҟазаара – акоуп, аха уи ақәҧараҿы аҧхьагылара зегьы ирылшом. Геннадий Аламия Ауаажәларратә усзуҩы, апоет Left Right Владислав Арӡынбеи Аҧсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа Иура Аргәыни, Сергеи Шамбеи, Иури Воронови, Игор Ҵнариеи © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынбеи уи иколлегацәа археологцәеи © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Аҧсуаҭҵааратә институт ахыбра 1992-1993 шықәсақәа рзтәи Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ҟалаанӡа © Георгиос Григориадис Владислав Арӡынба Женева, 1997 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Аполитикатә напхгаҩы зегь ирыцку иҟазшьа – ажәлар ргәы ашьҭыхра алшароуп. Ҳара ҳхада уи илшеит, избанзар ус еиҧш аҟыбаҩ иман. Фазиль Искандер 1988 шықәсазы Владислав Арӡынба далырхуеит Аҧснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс. Убраҟа иалагоит заҧхьаҟа ихьыҧшым аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭакҩыс иҟалаша ауаҩы иполитикатә мҩа. 1989 шықәсазы ҳтәылаҿы аҧсуааи ақырҭқәеи ретнополитикатә еиҿагылара акырӡа иӷәӷәахеит. Аҧсуа жәлра даҽа аамҭанык еиҧшымкәа аинформациатә, аполитикатә цхыраара рҭахын, избан акәзар Қырҭтәыла анапхгара ирылшоз зегь ҟарҵон аҧсуааи ақырҭқәеи ҭоурыхла, зинеилагарала иаауа реиҿагылара амзызқәаҵәҟьа рҵәахырц. Абарҭ ахҭысқәа анымҩаҧысуаз аамҭазы Арӡынба далырхуеит СССР Жәлар рдепутатс, иара убас СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатсгьы. Хара имгакәа дҟалоит СССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум алахәылас, анаҩс автономтә еиҿкаарақәа рҳәынҭқарратә, рзинтә статус азы акомиссиа маҷ ахантәаҩыс. СССР Жәлар рдепутат Владислава Арӡынба иқәгылара СССР Иреиҳаӡоу Асовет асессиаҟны, Москва, ҧхынгәы 1989 шықәса © АГРТК 1990 шықәсазы Арӡынба далырхуеит Аҧснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс. Атәыла ахада ҿыц аханатә илихит амҩа – Аҧсны жәлар, егьырҭ ажәларқәа реиҧш, иузаҟәымҭхо ирымаз ахҳәаақәҵаразы азин аус ауртә иҟазҵашаз. Нанҳәа 25, 1990 шықәсазы Иреиҳаӡоу Асовет асессиаҟны ирыдыркылеит адекларациа, Аҧсны ихьыҧшыму ҳәынҭқарроуп ҳәа зҳәоз. Аха Қарҭ уи ҵабыргым, азинтә мчы амам ҳәа рыланаҳәеит. Left Right Владислав Арӡынба, Москва, Асасааирҭа «Россиа» © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынбеи уи ицнагаҩцәа Сергеи Шамбеи Виачеслав Цыгәбеи, 1989 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынбеи СССР Иреиҳаӡоу Асовет Жәлар рдепутат Алықьса Гогәуеи, Москва, Асасааирҭа «Россиа», 1989 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынбеи РСФСР аҩадатәи арегионқәа рҟынтә иаашьҭыз Жәлар рдепутатцәеи, СССР Иреиҳаӡоу Асовет, 1989 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Кавказ аибашьра аныҟала – иаабац еибашьрак аиҳа еицәоуп. Уи шәышықәсалатәи аҭоурых аҵәаӷәа ахьшьроуп иаанаго. Владислав Арӡынба Нанҳәамза 14 ашырҧазы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Егры аӡиас ала аҧсуа-ақырҭуа ҳәаа иахысны ҳтәыла иалалеит Аҟәеи Гали еимаздо амҩаду ианыланы. Аҳҭнықалақь аҭынч уааҧсыра аибашьра ишалагаз анеилыркаа ақырҭқәа равиациа ракетала – аҧсшьаҩцәа рыла иҭәыз амшын аҟәареи ақалақьи иалахсуа ианалагоуп. Иара убри амш азы, нанаҳәа 14, Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара мҩаҧысраны иҟан, Аҧсныи Қырҭтәылеи рыбжьара афедеративтә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара алацәажәара азҧхьагәаҭан. Аха ақырҭқәа адипломатиа аҵкыс еиӷьыршьеит атанкқәа. Владислав Арӡынба телехәаҧшрала иуаажәлар рахь ааҧхьара ҟаиҵеит, рыҧсадгьыл ахьчаразы игыларц. Нанҳәамза 18 рзы Арӡынба дахагылоит иаарццакны иаҧҵаз Аҳәынҭқарра ахьчаратә комитет. Иара хаҭала напхгара аиҭон 18-40 шықәса ирыбжьагылаз Аҧсны ауааҧсыра рмобилизациа. Владислав Арӡынба аибашьра актәи амш азы Аҧсуа телехәаҧшрала итәылахь иҟаиҵаз ааҧхьара, нанаҳәа 14, 1992 шықәса © АГРТК Аганқәа аҩбагьы рырхәҭақәа Аҟәа иалыргоит ҳәа иҟаз аиқәшаҳаҭрақәа еилаганы (ақырҭқәа Баӷмаран ақыҭахь ихьаҵуан, аҧсуаа – Гәымсҭа аӡиас аҟынӡа), нанҳәа 18 рзы ақырҭқәа ҧырхагада Аҟәа иалалан, ақалақь ааныркылеит. Арҳәра-аӷьычрақәа ирылагеит, милаҭеилыхла ауаа дырӡуан, еиҳараҩӡак – аҧсуаа. Аҧсны анапхгара аибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны Аҟәантә Гәдоуҭаҟа ииасит, аибашьра ааилгаанӡагьы уантә акәын аус шыруаз. Аҧсуаа зқәиҭыз Гәымсҭеи Бзыҧҭеи рыбжьара ишьҭаз Аԥсны аҵакырадгьыл акәын. Тҟәарчал аблокада иҭакын, иара убас иаркын Очамчыра араион ахь иаҵанакуа аҧсуа қыҭақәак. Егьи иаанхаз Аҧсны аҵакырадгьыл зегьы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҵаҟа иҟан. Аибашьра актәи амш. Ацҳа ҟаҧшь © АГРТК Аҧсуаа ҭоурыхла изқәыз рыҧсадгьыл ахьчараҿы ацхыраара ду ҟарҵеит Аҩада Кавказ, Алада Урыстәылантә аешьаратә ажәларқәа, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа уҳәа хатәгәаҧхарала иааны иҳавагылаз. Ҳар реизырҳара адагьы, ари адгылара хыҧхьаӡарала иаҳиааиуаз аӷа иҿаҧхьа ҳажәлар ргәашьҭыхраҿы иабзоурахаз рацәоуп. Ҳазҭагылаз арыцҳара ахьынӡадууз еилаҳкаарц азы, аамҭа хьанҭа аныҟала ара шаҟа ҳарҭахыз ҳдырырц азы, Владислав Арӡынбеи ҳареи зныктәи ҳаиҧылара азхеит. Уи илакҭа ианаҳбаалеит зегьы: иҭахаз шихьаауаз, еибашьуа рзы агәҭынчымра шимаз, аха зегь акоуп аҵыхәтәанӡа дышхьамҵуа азы агәаӷьрагьы… Аибашьра аанҵәаанӡа иара дҳацын. Жәыларацыҧхьаӡа иаҳныруан уи. Муҳаммед Кьылба Аҧсны Афырхаҵа Left Right Аҧсны Афырхаҵа (данҭаха ихырҵеит) Гена Карданови Аҩада Кавказынтә хатәгәаҧхарала еибашьра иааз арҧарацәа ргәыҧи, Гәымсҭатәи афронт © www.apsuara.ru Баграмиан ихьӡ зху аерман баталион, 1992 шықәса © Андреи Соловиов Арратә корреспондент Анна Броидо хатәгәаҧхарала еибашьра иааз дрыцны, Гәдоуҭа, Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа аштаб © Анна Броидо лархив аҟнытә Султан Сосналиеви Владислав Арӡынбеи, Гәдоуҭа, 1993 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Гәымсҭатәи афронт. Аҩада Кавказынтә хатәгәаҧхарала еибашьра иааз © ИТАР ТАСС Владислава Арӡынба хатәгәаҧхарала еибашьра иааз рахь иҟаиҵаз ааҧхьара, урҭ ралгара амш аҽны, Гәдоуҭа, 1993 шықәса © АГТРК Аҧсуаа Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭатә цәаҳәа аргылара иалагеит, Мраҭашәаратәи афронт. Аҧсны Мрагыларатәи ахәҭахьы хаз-хазы еибашьуаз аҧсуа партизантә гәыҧқәа рҽеидыркыло иалагеит, ус хәыҷы-хәыҷла ишьақәгылеит Мрагыларатәи афронтгьы. Убри аамҭазы, Москва, цәыббрамза 3, 1992 шықәсазы, «Президент Отель» ҳәа хьӡыс измаз асасааирҭаҿы имҩаҧысит Кавказтәи арегион ареспубликақәа рхадацәа реиҧылара, официалла ус акәын хьӡыс иамаз. Егьыс, уи аиҧылара – агладиаторцәа реидыслара ҳәа азырҳәеит. Урыстәылеи, Аҧсныи, Қырҭтәылеи рхадацәеи, иара убас Аҩада Кавказ ареспубликақәеи Алада Урыстәыла аобластқәа рнапхгаҩцәеи злахәыз аиҧылара амшхәаҧштә азҵаарас иқәгылан Аҧсны имҩаҧысуаз аибашьра аанкылара. Аха Аҧснытәи аделегациа даара иақәыӷәӷәон егьырҭ аиҧылара алахәцәа, урҭ ирӡаӡомызт қырҭтәылатәи аган иааныркыло апозициа ишадгылоу, иацхраарцгьы шырҭаху. Урыстәылеи, Аҧсныи, Қырҭтәылеи рхадацәа апресса рахь рцәырҵра, Кавказтәи арегион ареспубликақәа рхадацәа реиҧылара ашьҭахь, Москва, «Президент Отель», цәыббра 3, 1992 шықәса © АГРТК Анцәа иҿаҧхьа исҳәоит, абра аиашамра шыҟоу. Владислав Арӡынба Кавказтәи арегион ареспубликақәа рхадацәа Москватәи реиҧылара астенограмма аҟынтә Бџьаршьҭыхла изқәылаз атәыла ахада иидырҟаҵар рҭахын ухаҿы иузаамго – хатәгәаҧхарала ҳахьчаразы иааз ирықәыӡбо ашәҟәы анапаҵаҩра. Зехьынџьарантә иҟаз ақәыӷәӷәара шыхьанҭаӡазгьы, Арӡынба илшеит аԥсуа жәлар ирыдгылаз аҵеицәа рыпату лазырҟәыр зҭахыз аҿагылара рыҭара. Москватәи аиҧылараҿы напы зҵаҩыз ашәҟәы ҳадгьыл аҿы аҭынчра аанамгеит, избан акәзар ақырҭқәа ралҵра атәы аҳәаӡомызт, аҧсуа ган уи шхымҧадатәиу шазгәарҭозгьы. Аиҿагылара иацҵан. Ара, Аҧсны аибашьцәа зегь хаҭала иудыруеит, иудыруеит урҭ рыхьӡқәа, рхы-рҿқәа, иудыруеит урҭ ранацәагьы! Зҧа дҭахаз ан ллакҭа уҭаҧшыроуп. Ари хлымӡаахроуп. Иуаӷоугьы иузиаҭәашьом. Владислав Арӡынба Аҧсны аибашьра цон инымҵәаӡо 413 мшы. 1993 шықәса цәыббрамза 30 рзы ахақәиҭреи ахьыҧшымреи ҳзаазгаз Аиааира мшы гылаанӡа, Аҧсны жәлар акыр арыцҳара дуқәа рхыргеит. «Аҧсра ҳазцон – аҧсҭазааразы» иҳәоит нас Владислав. Иҭахаз аҵеицәа ранацәа © Андреи Соловиов Ажәыларатә цәаҳәа, Гәымсҭатәи афронт © apsnyteka.ru Ажәыларатә цәаҳәа, Гәымсҭатәи афронт © apsnyteka.ru Аблокада иҭакыз ақалақь Тҟәарчал © Ибрагим Ҷкадуа Ажәыларатә цәаҳәа, Гәымсҭатәи афронт, аӡын, 1993 шықәса © apsnyteka.ru Леон иорден занашьоу Алик Лазба © apsnyteka.ru Владислав Арӡынба иҭхаз аибашьҩы инышәаҭараҿы, Гәдоуҭа, ҧхынҷкәын, 1992 шықәса © АГРТК Владислав Арӡынба инапынҵа зну Аҧсны ахсаала дадгыланы © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Ҳарҭ аибашьра ҳадырҳәалеит. Ҳрымпыҵархаларц, ҳақәырхырц рыӡбеит. Аха ҳара ҳажәлар аиашара иазықәҧон, иагьааит, зегьы ирыцку – Аҧсадгьыл ҳамызхырц зҭахыз, ҳҳәынҭқарра ашьҭамҭа ыҟамкәа ианырхырц иашьҭаз рҿаҧхьа. Иҧшьоу ари ахеиқәырхаратә еибашьраҿы рыжәҩахыр ҳадыркылеит Аҩада Кавказ, Алада Урыстәыла иқәынхо ҳаешьаратә жәларқәа, убасгьы аиашара ҳацрыхьчаразы иааз аламыс уаа зегьы. Владислав Арӡынба Аҧсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа (данҭаха ихырҵеит) © apsnyteka.ru Владислав Арӡынба Гәымсҭатәи афронт аибашьцәа дрыдгыланы © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Аиааира мышқәак шагу, Маҷара ақыҭа азааигәара, цәыббрамза, 1993 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Аиааира мышқәак шагу, цәыббрамза 1993 шықәса © apsuara.ru Аҧсуа ар аибашьцәа Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы, цәыббрамза 1993 шықәса © apsnyteka.org Гагра ахақәиҭтәра © news.milli.az Аҧсуа ар аибашьцәа Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы, цәыббрамза 1993 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынба Ахьӡ-аҧша абаҳчаҿы © АГРТК Аибашьра анеилга ашьҭахь Арӡынба иҳәоит: «Зегь реиҳа ихлымӡааху ҳашьҭахьҟа инхеит, зегь реиҳа иуадаҩу – ҳаҧхьаҟа ишьҭоуп». Аҭынч ҧсҭазаара аргылара иазкын арҭ иажәақәа, ҳажәлар зегь, ҳҧызагьы аҧхьа днаргыланы, рымч-рылша зегь зҭаххаз, имариамыз аргылара, аиҭашьақәыргылара аус. 1994 шықәса, абҵарамза 26 рзы Владислав Арӡынба далырхит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахадас, 1999 шықәса, жьҭаарамза 3 рзы ажәлар зегьы еицҿакны аҩынтә раан ахадас иҟалара иақәшаҳаҭхеит. Аҧсны Раҧхьатәи Ахада имаҵурахьы инашьҭра ацеремониа (аинаугурациа), Аҟәа, абҵарамза 26, 1994 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынба аинтервиу аҭараан © АГРТК Арӡынба атәыла дахагыланаҵ Аҧсны имҩаҧган акрызҵазкуа аусқәа. Хаҭалагьы, 1925 шықәсазтәи Аҧсны Аконституциа аиҭашьақәыргылара, аҧсуа ар аҧҵара, Атәылахьҷара аминистрра, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Аҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ҳџьынџьуаа рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы уҳәа раҧҵара, иара убас аҧсуа ҭыҧхьыӡқәа рыргьежьра. Арӡынба атәыла ахада иаҳасабала дзыхьӡаз зегь реиҳа аҵакы змоу аусқәа иреиуоуп: ақырҭуа-аҧсуа еибашьра аполитикатә ҭышәныртәаларазы ашьаҿақәа ралхра иазку ааҧхьара анапаҵаҩра; Аҧсныи Қырҭтәылеи рҳәааҿы (аиҿагылара ацәаҳәала) Урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчрақәа рыргылара; Аҧсныи егьырҭ аҳәаанырҵәтәи атәылақәа жәпаки рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭрақәа рыдкылара; урҭ атәылақәа рҿы Аҧсны ахаҭарнакрақәа раартра; Ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ҿыци, Агерби, абираҟи, агимни рыдкылара; аҧсуа бызшәа Аҧсны ҳәынҭқарратә бызшәаны азхаҵара; Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҧҵара. Left Right Станислав Лакобеи, Геннади Аламиеи, Владислав Арӡынбеи Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҿы, Аҟәа, 1994 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Асҭамыр Ҭаниеи Владислав Арӡынбеи. Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳәаақәа рышьақәыргылара. © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Сократ Џьынџьал, Валери Аршба, Виачеслав Цыгәба, Валери Харчлаа, Владислав Арӡынба, Вахтанг Харчлаа. Ҿыц иаҧҵоу Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рӡыргара, Тҟәарчал, 1999 шықәса. © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд 1999 шықәсазы Аҧсны имҩаҧысит ареферендум ауаажәлар атәылаҿы амчра змоу Аконституциа ишазыҟоу азы, иара убас «Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымразы» Акт адкыларазы. Ҳара ҳконституциа, иагәылоу аидеиақәа рыла, ирываҟәылоит Урыстәыла, Еиду Америкатә Штатқәа, Голландиа, Австриа уҳәа реиҧш иҟоу атәылақәа рконституциақәа. Уи иаанарҧшуа ахшыҩҵакқәа рықәныҟәоит Ауаҩ изинқәа зыхьчо Еицырзеиҧшу адекларациеи, убасгьы егьырҭ адунеиаҿ иазхарҵахьоу азинтә аспектқәа зегьы ирықәҿнаҭуеит. Владислав Арӡынба Ареферендум рхы аладырхәит 97 % ақырҭқәа, абжьыҭара азин змаз. Арӡынба еснагь иазгәеиҭон аҧсуаа иаҳҿагыланы имеибашьуаз ақырҭқәа ақәгәыӷыр шрылшо зинҿаҟәарада Аҧсны атәылауаҩра. Анаҩс уи азин рхы иадырхәеит 60 нызқьҩык ақырҭуаа, урҭ Аҧсныҟа ихынҳәит аибашьра анеилга ашьҭахь. Сара сгәанала, Аҧсны еснагь иҟан иагьыҟазаауеит милаҭрацәа зқәынхо тәыланы. Ихадоу, дарбанзаалак атәылауаҩ, милаҭс дызҵазкуазаалак, Аконституциа инаҭо азинқәа зегьы ихы иаирхәо дыҟазароуп. Владислав Арӡынба Владислав Арӡынба еснагь инаҵшьны иазгәеиҭон, Аҧсны адәныҟатәи аполитика ахашьа Урыстәыла иамариашазароуп ҳәа, Урыстәыла ҧсабарала Аҧсны адгылара анаҭоит ҳәа иҧхьаӡон. Лассы-лассы ус иҟалалоит, ҳаизыҟазаашьақәа рҟны ахьшәашәара, ма аҧхарра Урыстәылантә иасуа аҧшақәа ирыхҟьо. Сара сақәгәыӷуеит Урыстәылантә аҧша ҟәандақәа аслоит ҳәа, усҟан Аҧсны аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи ыҟазаауеит. Владислав Арӡынба Владислав Арӡынбеи аинрал Сергеи Коробкои, лаҵарамза 9, 1998 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынбеи Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Николаи Кондратенкои, Адыгатәыла ахада Аслан Џьаримови © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынбеи Константин Затулини © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Left Right 1997 шықәсазы Аҧсны делегациа ҳаракыла раҧхьаӡа акәны аҳәаанырцәҟа аҭаара ҟарҵеит Ҭырқәтәыла, уаҟа Владислав Арӡынба дырҧылеит хыҧхьаӡара рацәала аҧсуа диаспора рхаҭарнакцәа. Арӡынба атәыла ахадас дыҟанаҵ даара игәцараикуан аҧсуа хылҵшьҭрақәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рырхынҳәра апроцесс, урҭ арахь рхьарҧшра, 150 шықәса раахыс еиҟәыганы иҟоу жәларык рыбжьара аимадара арӷәӷәара. Владислав Арӡынба ҧсыуала дкәашоит, Сҭамҧыл, 1999 шықәса © АГРТК 2004 шықәсазы Владислав Арӡынба атәыла ахада имаҵура аанижьит ичымазара бааҧсы иахҟьаны. Гарибальди аиталиаа рҭоурых аҟнеиҧш, Уоллес – ашотландаа рҟнеиҧш, Владислав Арӡынба еснагь дыҟан, дыҟоуп, дагьыҟазаауеит аҧсуа жәлар дырфырхаҵа иашаны – дҧызаны, жәлар ирылиаауа, иҟалап, знык, аха зегь реиҳа ианаҭаху аҭоурых аамҭазы. Константин Затулин Константин Затулин Владислав Арӡынба инышәаҭара аҽны, Аҟәа, хәажәкыра 10, 2010 шықәса © АГРТК Иналукааша аҧсуа политик, аҳәынҭқарра аргылаҩ Владислав Арӡынба иҧсҭазаара далҵит 65 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 4, 2010 шықәсазы. Иара иҿаҭахьала, анышә дамардеит дахьииз Ешыра ақыҭан, аибашьраан Гәымсҭатәи афронт ацәаҳәа ахьыҟаз. Left Right Владислав Арӡынба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара, Москва. Иури Комаров иқәгылара, хәажәкыра, 2010 шықәса © АГТРК Владислав Арӡынба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара, Москва. Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу Мрагылараҭҵаара Аинститут адиректор ихаҭыԥуаҩ Сергеи Белогроницки иқәгылара, хәажәкыра 2010 шықәса © АГТРК Владислав Арӡынба иҧсадгьыл аҿы аҵыхәтәантәи имҩахь инскьагара. Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза Аҟәа, хәажәкыра, 2010 шықәса © АГТРК Владислав Арӡынба иҧсадгьыл аҿы аҵыхәтәантәи имҩахь инскьагара, Аҟәа, Арӡынба имҩа, хәажәкыра 10, 2010 шықәса
https://abaza.org/abk/vladislava-ardzynba-aibashrei-atynchrei
2024-03-01T04:40:54Z
<urn:uuid:c96fc0f1-d86e-4dd4-81cb-2fa28e573d1d>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.89
0.98
166
32,273
tlsh:T15871FFE28A408B4BC6B3C459CFA14E35ACD168574622B260CDC6F4B01696048EFFCC13A9F9D8055EB4EB0612E133BE146A4AECE618BEFFDB705240A66E2F78E9379471D59F
· иалыршоу АА аекономикатә ҿиара аҩаӡарала иеиҭаҵуа аекономика змоу атәылақәа ирыҵанакуеит; · аарыхратә мчқәа рыҿиара аҩаӡарала – индустрианӡатәуп; · амилаҭтә економика ахьынӡаарту ала – иаартуп; · аҿиара ахырхарҭқәа рыла – социалтә-зкратәуп; · аекономикатә ҿиара аҩаӡарала – уааҧсырацыҧхьаӡа аҩныҵҟатәи азеиҧш аалыҵ абжьаратәи аҩаӡара амоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара астратегиатә зкра хаданы иҟоуп аинновациатә, атәыла аекономикатә еизҳара аҿҳәара ду змоу асоциалтә-зкратә модель. Ауааҧсыреи аусурҭа амазаареи АА Аҳәынҭқарратә статистика Аусбарҭа арбагақәа рыла ауааҧсыра рхыҧхьаӡара 2016 ш. ажьырныҳәамза 1 азы – 243 936 -ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟоуп: · ақалақьуаа – 122 722 -ҩык (50,3%); · ақыҭуаа – 121 214 -ҩык. (49,7%). Аусура зылшо ауааҧсыра рхыҧхьӡара – 144 483 –ҩык ыҟоуп. Аекономика аусхк аҟны аус зуа ауааҧсыра рхыҧхьаӡара иартәоит 42 313-ҩык ауаа. Аҳәынҭқарратә ҟәшаҟны аус руеит – 31 787-ҩык ауаа; хазхаҭалатәи аусбарҭақәа рыҟны – 10 056 –ҩык ауаа. 2017 ш. Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аусурҭа змоу абжьарамзазтәи иуалафахәы иартәоит - 10 316 мааҭ. 2018 ш. хәажәкырамза 1 азы АА аусура зылшо ауаҩы абжьарамзазтәи зегьы иреиҵоу ихныҟәгага иартәоит 6 702 мааҭ. Аҩныҵҟатәи азеиҧш аалыҵ Аҧсны аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа арбагақәа рыла 2009-2012 шш. рзы аноминалтә ҩныҵҟатәи зеиҧш аалыҵ бжьаратәла 14,2% артәеит, еснагьтәи ахәқәа рҿы шықәсык 12,7% артәоит. Аҩныҵҟатәи азеиҧш аалыҵ амҽхаки адинамикеи Уаанӡа ишазгәаҭаз еиҧш, Аҧсны аекономика аҷыдарақәас иамоу, ааглыхра ахырхарҭа хадақәа аимпортхьыҧшымра ахьыҳаракуи адәныҟатәи аџьармыкьа аҭагылазаашьа аҟнытә анырра ду ахьаиууеи роуп. Аноминалтә ишазҳауагьы, ахарџьқәа рымҽхак шыҳараку, иҟоу алшарақәагьы еффективла рхархәара шылаҟәу иаанхоит. Ари Аҧсны аекономикаҿы аекстенсивтә ҿиара шеиҳау атәы аҳәоит. Аҩныҵҟатәи азеиҧш аалыҵи Аҳәынҭқарратә биуџьети Объем валового внутреннего продукта (ВВП) в Республике Абхазия, по оценке Управления государственной статистики РА в 2016 г. составил 30 292,2 млрд руб., с темпом прироста 6% к уровню предыдущего года. В 2016 г. объем ВВП в расчете на одного жителя составил 124 180 руб. Аҧсны аҳәынҭқарратә финансқәа шьақәгылоуп: 1. Аҳәынҭқарратә биуџьет (ареспубликатә биуџьети аҭыҧантәи – Аҟәа ақалақьи араионқәеи рбиуџьети( рыла; 2. Аҳәынҭқарратә биуџьетныҵтәи фондқәа рсистем. Аҧсны Аҳәынҭқарра финанстә документ хаданы иҟоуп Аҳәынҭқарратә биуџьет. Аҳәынҭқарратә биуџьет иахәаҧшуеит, уи анагӡаразы аконтроль азнауеит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент. Убас «2018 шықәсазы Аҧсны аҳәынҭқарратә биуџьет азы» АА Азакәан инақәыршәаны Аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалақәа рыла 9 501,7 млн мааҭ ыҟоуп, аныхтәқәа рыла 9 607,9 млн мааҭ. 2018 ш. иазҧхьагәаҭоуп ареспубликатә биуџьет ахашәалақәа 7 432,4 млн мааҭ, убарҭ рыҩныҵҟа иҟоуп УА афинанстә цхыраара АА асоциалтә-економикатә ҿиара хықәкыс иаҭаны 2 671,6 млн. мааҭи «2017-2019 шш. АА асоциалтә-економикатә ҿиара ацхырааразы аинвестициатә программақәа» рынагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны 1 620,5 млн мааҭ. Иазгәаҭатәуп аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аҳәынҭқарратә биуџьет еизакы (консолидированный) айны. Убас, иаагозар, аҵыхәтәантәи ахәышықәса рыла АА аҳәынҭқарратә биуџьет ахатәы хашәалахәқәа ирызҳаит 168,6%. Арҭ ахашәалахәқәа еиҳарак ишьақәгылоит ИАА (НДС), ахашәалахәы ашәахтә, аҳазатә шәатәқәа рыла. АА Аҳәынҭқарратә биуџьет еизакы Чакәзар, уи шьақәгылоит УА аҟнытә иааиуа ахархәагақәа рыла аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны. Арҭ ахархәагақша ааиуеит афинанстә цхыраара аҳасабала, иара убас «2017-2019 шш. АА асоциалтә-економикатә ҿиара ацхырааразы аинвестициатә программақәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны. АА аекономика аҟәшатә еилазаара Аҧсны Аҳәынҭқарра аекономика иналукааша ҟәшаны иалукаар аҟалоит: · ааглыхра; · атуризм; · ақыҭанхамҩа; · ахәаахәҭраа; · амаҵзурақәа; ·аргылара; · атранспорт; · афинанстә ҟәша; · аимадара уб.егь. Ааглыхра Аамҭала ибзианы иҿианы иҟаз, 500 наплакы еидызкылоз Аҧсны ааглыхра, 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьи уинахыс, Ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа реиҩызара атәылақәа рганахьала аекономикатә санкциақәа ирыхҟьаны быжьшықәса изҭагылаз аблокадеи рнаҩс икаҳаит. Афонд хадақәа, аинфраструктуратә обиектқәа хырбгалан, иеимҵәан мамзаргьы технологиала акыр иаҵахеит, уи иахҟьаны аквалификациа змаз акадрқәа ықәҵны ицо иалагеит. Аха хыхь иазгәаҭоу аҭагылазаашьа шыҟоугьы, Аҧсны ааглыхра аиҭаҿиара иаҿуп. Абасала, ҳазҭагылоу аамҭазы, АА ааглыхратә ҟәша атәыла аҩныҵҟатәи аекономикатә лшара шьақәзыргыло ихадаратәу аҟәшақәа хҧа ирыҵанакуеит. 2017 ш. ааглыхратә аалыҵқәа рымҽхак 3 541,1 млн мааҭ артәеит. Иахьа Аҧсны 100 инареиҳаны ааглыхратә наплакы ыҟоуп, урҭ рахьтә 87 ҳәынҭқарратәқәаӡам. Аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа 2017 ш. арбагақәа рыла аҟәшаҟны аус руеит 1 956 –ҩык ауааҧсыра. Ааглыхратә наплакқәа реиҳарак Аҟәа ақ. аҟны иҟоуп ( 40% иреиҳауп). Аҧсны иахьатәи ааглыхра аҿиара ахырхарҭа хадақәаны иалукаар алшоит: - амҿы аусадуларатә ааглыхра (абна азырхиара, производство ашпони аҩнымаҭәеи рыҟаҵара, аҧсыӡ шылеи аҧсыӡ шшеи); - адгьылҵыхратә (добыча аинертных материалов, известняка, угля); - аусадуларатә (аметалл еиқәаҵәеи аҧштәы змоуи аихаҷа-маҷа, атротуартә хаҳәцәы, аблокқәа, абетон рҭыжьра); - афатәтә (ачалых, арыжәтә џьбареи иџьбарам арыжҽтәи рҭыжьра); - ааглыхра ласы (иӡаху алыхымҭақәа рҭыжьра); - аполиграфиатә ааглыхра (акьыҧхьтә аалыҵ аҭыжьра) уб. егь. Иазгәаҭатәуп Аҧсны аекономиказы аҵак ду змоу аекспортхырхарҭа змоу аҩыҟаҵареи аҧсыӡ еиҭаусадулареи рааглыхра. Убас Аҧсны Аҳәынҭқарра иалҵуа аекспорт ахәҭаҷ ду ахь иаҵанакуеит аҩыҟаҵаратә аалыҵ, уи 2017 ш. аекспорт зегьы аҟны 75% ааннакылеит. Аҧсны, атәылақәа Испаниа, Италиа, Қырҭтәыла, Франциа инарываргыланы урыстәылатәи аџьармыкьахь аҩы назго хә-тәылак ирылаҧхьаӡоуп. 2017-и 2016 –и аш.-қәа рзы мацара АА аҟнытә УА експортҵас ишьҭын аҩы аалыҵ 2,7 -еи 2,5 млрд мааҭ рыхә. Ирацәамкәа Аҧсны иҟоуп: ацха, ауараш, аџьыка, аминералтәи аӡыхаақәеи раарыхра. 2012 шықәсазы Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхырааразы 2010-2012 шықәсазтәи Акомплекстә план инақәыршәаны аусура иаларган Аҟәатәи ахштә зауад, иазгәаҭоуп аиҭаусадуларатә ааглыхрахь аҳәынҭқарратә инвестициақәа ралагалара. Хадаратәла, акапиталтә ргылареи асоциалтә инфраструктура аобиектқәа реиҭашьақәыргылареи хырхарҭас измаз Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраара аҳәаа иҭагӡаны аргылара амҽхак арҭбаара анырра бзиа анаҭеит аргыларатә материалқәа аҩныҵҟатәи раарыхра амҽхак, уи иара убас аарыхратә ааглыхра амҽхакгьы иазнарҳаит. Ааглыхра астратегиатә хәҭа иаҵанакуеит афымцамч аарыхра. Иазгәаҭатәуп, Аҧсны иаадрыхуа афымцамч зегьы Кавказ Егры аӡы аҿы иҟоу аӡфымцамчхарастанциа дуӡӡа ишышьақәнаргыло. Аҧсны аӡылшарақәа азгәаҭаны, шықәсык аҩныҵҟа 13,5 млн.куб.м. инареиҳаны аӡы алеира иеиуеиҧшым агәаанаграқәа рыла 3,5 млн кВТ иреиҳауп. Аҳәынҭқарра аӡфымцамчхара аҿиара астратегиатә ҵакы шамоу еиҧш, ҧеиҧш змоу уснагӡатәны иқәгылоуп атәыла анапхгара рҿаҧхьа. 2014 шықәсазтәи Шәачатәи аолимпиада аҽазыҟаҵара аҳәаа иҭагӡаны аспорттәи аинфраструктура обиектқәеи рыргылараҿы иаҭахыз аинерттә матриалқәа рекспорт азҳара иара убас аргыларатә матриалқәеи аарыхратә ҟәшеи рааглыхра амҽхак ибзианы ианыҧшит. Иазгәаҭатәуп, аинерттә матриалқәа Аҧсны Аҳәынҭқарраҟнытә Урыстәылатәи Афедерациахь агара иахьагьы ишаҿу. Атуризм Аҧсны аекономика аҟәшақәа еиҳа ибзианы, ҧеиҧш аманы иҿио иреиуоуп атуризм. Есышықәса Аҧсны миллионҩык инареиҳаны атуристцәа адзыҧхьало, Аҧсны атуристтә аалыҵ аконкуренттә ҧыжәарақәа жәпакы (аҳауа, аҧсабара, аҭоурыхтә баҟақәа, архитектура уҳәа уб.егь.) ирыбзоураны атуристтә маҵзурақәа рџьырмыкьаҿы апозициа ҕәҕәоуп. Ареспублика аекономика арбагақәа рыла, атуриндустриа абиуџьет иалало ашәахтәқәа аагамҭақәа рахьтә ахҧатәи ахәҭа ааннакылоит. Еиҳа хархәара змоу туристтә хкны иҟоуп адыррра-еилкааратә, уи бжьаратәла Аҧсныҟа иаауа атуристцәа рҟынтә 60% дыртәоит. Адырра-еилкааратә инаваргыланы қәҿиарала аҿиара иаҿуп агәабзиарачаҧаратә туризмгьы. Аҧсшьареи аҽыхәышәтәреи рзы иаауа реиҳараҩык Гагра араион аҟны иаангылоит, избан акәзар 70% инареиҳаны аус зуа Аҧсны агәабзиарачаҧарҭатә-курорттә обиектқәа ахьыҟоу Гагра, Пицунда ақалақьқәа рыҟноуп. Иара убас иазгәаҭатәуп атуристцәа адзыҧхьало иалагаз ақалақьқәа Афон ҿыц, Гәдоуҭа, ара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы атуризм аҟәша ццакны аҿиара иалагеит. Абас, Аҧсны атуризм лҵшәа бзиала аҿиара ишаҿугьы атәыла, изыхҟьазаалак, атуристтә лшара иахьынӡахәҭоу хархәара амам. Хыхь иеиқәыҧхьаӡоу аконкуренттә ҧыжәарақәа рхыҧхьаӡараҿы ихадароу акәны иҟоуп атәыла аекологиа азҩыдара. Атуристцәа адзыҧхьало ируакуп аҳауа, асубтропикатә ҵиаа хкқәа, амшын ӡы ацқьара. Аҧсны ирацәоуп амшын аҧшаҳәа иаҧну атуристтә центрқәа, асасааирҭақәа, аҧсшьарҭа ҩнқәа, агәабзиарачаҧарҭақәа. Урҭ реиҳарак асоветтә аамҭазы иргылоуп, џьоукы Урыстәыла Аҳра иахаануп. 2017 шықәсазтәи агәабзиарачаҧаратәи атуристтә-екскурсиатәи маҵзурақәа рымҽхак иааизакны Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иартәеит 1 908,6 млн мааҭ. АУН «Афонҿыцтәи аҳаҧы акомплекси» Риҵатәи арелиқттә милаҭтә парки 2017 ш. ирҭааит 709 нызқьҩык ауаа. Ақыҭанхамҩа Аҧсны – традициала аграртә тәылоуп. 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа ақыҭанхамҩа СССР аҭахрақәа рынагӡаразы иуникалтәу Аҧсны аҳауатә лшарақәа рхархәара иазкын. Убри аҟнытә ақыҭанхамҩатә культурақәа рахьтә еиҳа ирацәан асубтропикатәқәа: ацитрустәқәа (аамандарин, атырқал), ачай, аҭаҭын, акакан, абна раса, атунг уҳәа уб.егь. Ирааӡон иара убас аџьықәреи, ажь, ауҭраҭых. Аибашьра ашьҭахь Аҧсны иадҵаз аекономикатә санкциақәа ирыхҟьаны адәныҟатәи ахәаахәҭра аанкылан, хныҟәгагас иҟаз ақыҭанхамҩа акәхеит. Акыр имаҷхеит аҧсаса, ашьамаҟа. Ҳазҭагылоу аамҭазы АА адгьылхархәаҩцәа рхы иадырхәо адгьыл ҭып 397,3 нызқь га артәоит. Ақыҭанхамҩа аҿиара ахырхарҭа хадақәа рахьтә иалукаар алшоит: аҧсыӡкреи (ақамашьи́а, афаранџь) аҵиааӡареи (ацитрустәқәа, афеихуа, ахәырма - 7,2 нызқь га; аӡахәаҭрақәа – 2,6 нызқь га; абна раса уҳәа уб.егь.). Аҧсны иаадрыхуа ақыҭанхмҩаалыҵ еиҳарак Урыстәылатәи Афедерациеи Ҭырқәтәылаҟеи идәықәҵахоит. Аҧсны аекономикаҿы ақыҭанхамҩа аҵакы ду азгәаҭаны, аҳәынҭқарра анапхгара аганахьала ари аҟәша адгылара аҭаразы ауснагӡатәқәа мҩаҧгоуп. Убас, Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Акомплекстә план аҳәаақәа ирҭагӡаны 2010-2012 шш. рзы 1000 га инареиҳаны акыршықәсанызҵуа ақыҭанхамҩатә культурақәа еиҭаҳан. 2015 ш. иазгәаҭоуп еиҭа 1000 га ахархәара аҭахоит ҳәа. Аргылара мҩаҧысуеит 2500 тонна зкуа ашәыруҭраҭыхҵәахырҭа, амыруга аахәахоит. Ашәыртә культурақәа, ацха аус адуларазы анаплакы апроект азырхиара мҩаҧысуеит. Арҭгьы егьырҭ ауснагӡатәқәагьы иҭыжьхо аалыҵ ахаҭабзиара ашьҭыхра, егьырҭ атәылақәа рыҟны аиндаҭларатә џьырмыкьақәа рҿы, лымкаала Урыстәыла аҧсуа қыҭанхамҩатә аалыҵ хкқәа рыцҵара ирызкуп. Ахәаахәҭра Ахәаахәҭра Аҩныҵҟатәи азеиҧш еицҵалыҵ (2017 ш.) амҽхак ала актәи аҭыҧ аннакылоит, уи ахәҭа иартәоит иацҵоу ахәҧса зегьы аҟнытә 25%. 2017 ш. АА аизакы хәаахәҭра азеиҧш мҽхакы иартәеит 11 784,14 млн мааҭ, заҵәыла ахәаахәҭра – 17 109,5 млн мааҭ. Ареспублика атауареикәшараҟны еиҳа ирацәоуп атаур агәыҧқәа: абензин, аргыларатә материалқәа, ача, ачалыхқәа, акәац, аҧсаатә, ахш, ахшлых, ауҭраҭых, ачашыла, акондитертә лыхқәа уб.егь. Ари аусхк аҟны аус руеит аекономикаҟны аус зуа рзеиҧш хыҧхьаӡараҟнытә 5% рҟынӡа уааҧсыра. Амаҵзурақәа Ауааҧсыра зыхә ршәо амаҵзурақәа рырбага ауааҧсыра рыҧсҭазаара аҩаӡара ахьынӡаҟоу харҭәааны иунаҭоит уи иагьаҵанакуеит иеизакны абарҭ амаҵзурақәа русура алҵшәақәа: - абзазаратә маҵзурақәа; - анхамҩа-коммуналтә маҵзурақәа; - апассаџьыртә транспорти аидареи рмаҵзурақәа; - аҵара асистема, акультура, абаҩрҵәыратә культура, аспорт маҵзурақәа; - амедицинатә маҵзурақәа; - атуристтә-екскурсиатәи асанаториатәи гәабзиарачаҧарҭатә маҵзурақәа; - азинтә ҟазшьа змоу амаҵзурақәа. Ареспубликаҟны аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы зыхәҧса шәатәу амаҵзурақәа рымҽхак ццакны аизҳара мҩаҧысуеит. АА аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа арбагақәа рыла 2017 шықәса 12 мзы рыҩныҵҟала хаҭалатәи анаплакқәа инарыгӡаз ауааҧсыра зыхә ршәоз амаҵзурақәа рымҽхак иартәеит 7 077,9 млн мааҭ. Зыхә шәатәу амаҵзурақәа реилазаараҿы иреиҳау акапан хәҭа ааныркылоит аимадара амаҵзурақәеи асанаториатә-гәабзиарачаҧарҭатә маҵзурақәеи. Аргылара Ареспублика Аҩныҵҟатәи азеиҧш еицҵалыҵ шьақәзыргыло аҟәша дуқәа иреиуоуп аргылара. Аргылара аҿиара иацхраауеит иҟоу еиуеиҧшым аминералтә лшара дуқәа, убарҭ рыҩныҵҟа иҟоуп амармалташь, ашха хаҳәа, аҧслымӡ, ақьырмыт-кыцтә нышәаҧшь уҳәа уб.егь. Аргылара иалахәуп аиуристтә хаҿқәа реиҧш, ауааҧсыратә хаҿқәагьы. Зынӡа Егры анаплакы аҟны иарбоуп 230 наплакы. Ари аусхк аҟны аус руеит 1 800 –ҩык ауаа. Анаплакқәа реиҳарак ҳәынҭқарратәқәаӡам. Афирмақәа еиуеиҧшым амаҵзурақәа рыла аус руеит, урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп аобиектқәа рзы апроектаҧҵара, аргылара, еиуеиҧшым аргыламҭақща реиҭашьақәыргылара, азыҟаҵаратә усурақәа зегьы, ахыбаратә усурақәа уҳәа уб.егь. Аҧсны аргыларатә еиҿкаарақәа реиҳарак имҩаҧырго аусура – шьаҭанкылатәи арҽеиратә усурақәа роуп. Аргыларатә еиҿкаарақәа инарыгӡаз аусурақәа рымҽхак 2017 ш. иартәеит 2 690,6 млн мааҭ. Атранспорт Аҧсны ихадоу транспорт хкқәа зегьы ыҟоуп. Ари аҟәша ареспубликазы идууп ҳәа иҧхьаӡоуп. Уа аус зуа рхыҧхьаӡара 1,3 нызқьҩык иреиҳауп. Амҩатә каҭа аилазаашьа – гәыцәтәиуп: амҩа хада, амшын аҧшаҳәала иаауа ареспублика амашьынамҩақәа зегьы ирымадоуп. Аҳәынҭқарратә ҵакы змоу автомҩақәа раура – 473,8 км инаӡоит, аҭыҧантәи аҵакы змоу – 1830,9 км ыҟоуп. Аихамҩатә транспорт акәзар, Аҧсны аихамҩақәа раура 239 км рҟынӡа инаӡоит. Ари афымцарку мҩакы ала ишьақәгылоу амшын аҧшаҳәа иаҧну аихамҩатә цәаҳәоуп Шәача-Аҟәа-Гал имҩахыҵуа амҩа Очамчыра-Тҟәуарчал (Очамчыра абаҕәазахь арацәа назго). Аҧсны иалсны ицо аихамҩа аркуп 1992 ш. раахыс. Акаҭа ахархәара напхгара азнауеит АУН «Аҧсны аихамҩа». СССР ахаан республикаҟнытә аидарамҩангара амҽхак 12-14 миллион тонн рҟынӡа инаӡон. Аҟәантә уахгьы –ҽынгьы ицон 18 пассаџьыртә дәыҕба ҩба-ҩбала. Аихамҩа иалахәыз зегьы фымцаркын 1950-60-шықәсқәа раан. Ҳазҭагылоу аамҭазы Аҟәа ақ. иааиҧмырҟьаӡакәа адәыҕбақәа ныҟәоит Аҟәа-Москва, Аҟәа-Санкт-Петербург, Аҟәа-Самара ахырхарҭала. Иара убас аҧхын аҳәаа ахысра арманшәаларазы Гагра ақ. Шәача ақ. ирыбжьоуп афымцадәыҕба. АА аҟны аҳаиртә баҕәазақәа ҩба ыҟоуп. Аҳаиртә баҕәаза Аҟәа аҳҭнықалақь иналганы 25 км ахьыбжьоу аҭыҧ аҟны иҟоуп, аҧырра-ртәаратә цәаҳәа аура 4 км ыҟоуп, иҭбаау афиузелиажтә пассаџьыртә лаинерқәеи 200т. рҟынӡа аидарашьҭыхра зылшо атранспорттә ҳаирпланқәа рыдкылара алшоит. Аҳаирплан Бамбора, Гәдоуҭа ақ. Азааигәара, Аҟәантә 40 км ахьыбжьоу аҭыҧ аҟны иҟоуп. Атәылауаҩратә ҳаирпланқәа рыдкылареи амш зеиҧшразаалак арра-мшынтәи атранспорттә авиациа амаҵуреи алшоит. Ҳазҭаглыоу аамҭазы апассаџьыртә еимадара АА аҟны иҟоу аҳаиртә баҕәазақәа рыла рымҩаҧгара мҩаҧысӡом. Атәылаҿы иҟоуп амшынтә баҕәазақәа хҧа, аибашьратә ҭахрақәа рзы иргылоу Очамчыратәи абаҕәаза налаҵаны. Аҧсны амшынтә баҕәаза хаданы иҟоуп – Аҟәа, арантә 1992—1993 шш. Аҧсны Аџьынтәылатә еибашьра иадҳәалаз аблокада ҟалаанӡа аидарақәеи апассаџьырқәеи рымҩангара мҩаҧысуан (аидараеикәшара шықәсык 290 000 т. рҟынӡа инаӡон). Аҧсны абаҕәазақәа аҳәынҭқарра иахьчоит. Абаҕәазақәа русура нангӡоит аилахәыра «Аҧсны амшынтә ҕбаныҟәара». Афинанстә ҟәша Аҧсны Аҳәынҭқарра Атәылуаҩратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 140 инақәыршәаны Аҧсны Аҳәынҭқарра аофициалтә валиутаны иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа амааҭ. Аҧсны зхатә валиута мап ацәызкыз атәылақәа рхыҧхьаӡараҿы ишыҟоу ала, атәыла аҧаратә масса аизакра хыҵхырҭас иамоуп ахәшәаратә баланс иҵоуроу асальдо. Аҧсны Аҳәынҭқарра иаку аҳәынҭқарратә ҧаратә-кредиттә политика иазнархиоит иагьымҩаҧнагоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк Аҧсны Аминистрцәа реилазаара аус ацурала. Аҧсны Амилаҭтә банк хылаҧшра зуа усбарҭаны иҟоуп Аҧсны Амилаҭтә банк алицензиа змоу абанкқәеи егьырҭ акредиттә еиҿкаарақәеи рзы. Аҧсны Амилаҭтә банк азинтә статуси афункциақәеи шьақәыргылоуп «Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк (Аҧсны Абанк) азы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан ала. Аҧсны Абанк аҧаратә-кредиттә еизыҟазаашьақәа ҟазшьарбагас ирымоу ихадоу арбақәа: · Аҧсны Абанк аҿаҧхьа акредиттә еиҿкаарақәа ирықәу акредит ашықәсбжьаратәи азыҧҵәа – 12%; · Аҧсны Абанк аҿаҧхьа акредиттә еиҿкаарақәа ирықәу акредит ашықәсбжьаратәи апроценттә зыҧҵәа (амаржа апунктқәа 6 ашықәсбжьаратәи азыҧҵәа иадкыланы) – 18%; · УА амааҭ ала ирыдгалоу бжьаратәлаишәоу-изоу апроценттә зыҧҵәа абанкбжьаратә кредитқәа рзы - – 22%; 2018 шықәса алагамҭазы Аҧсны аҳәынҭқарра Абанктә система шьақәгылоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банки аус зуа акредиттә еиҿкаарақәа 10 рыла (уахь иалоуп акоммерциатә банкқәа 9 абанкнҭыҵтәи ахыҧхьаӡаларҭатә кредиттә еиҿкаареи). Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, аполитикатә курс ҿыц инақәыршәаны, ареспублика абанктә система аекономика ашьҭыҵра апроцесс активла аҽаланархәит. Уи еиҳа асоциалтә-хырхарҭа шьҭнахит. 2015 ш. мацара АА Амилаҭтә банк иазнархиеит иҷыдоу амыругақәа аекономика ахәҭақәак рзы. 1. Убас, иаагозар, Аҧсны Абанк АА Аекономика аминистрра аус ацурала иаҧҵоуп анаплакра маҷ асубиектқәа (АМС) адгылара рыҭаразы амеханизм. Уи иазҧхьагәанаҭон Амилаҭтә Банк аҧаратә хархәагақәа радҧхьалара «Анаплакра маҷ асубиектқәа акредит рыҭара иазку аҧҟаразы» Аҧсны Амилаҭтә Банк Аҧҟара инақәыршәаны иалкааз АМС ирыднагалаз акредитқәа рзинқәа рҭахрақәа шасыс иҟаҵаны. Аҵыхәтәаны акредит зауз ракәхеит АА аекономика аҿиаразы ихадароу ахырхарҭақәа рыҟны аус зуа хаҭалатәи анаплакыҩцәеи аиуристтә хаҿқәеи – ақыҭанхамҩаҟн, атуристтә усхк аҟны, ааглыхраҟны, аргылараҟны уҳәа уб.егь. рыҟны. Ақыҭанхамҩаҟны аус зуаз АМС рзы иалкаан апроценттә зыҧҵәа ҳәа 6% шықәсык аҩныҵҟа, егьырҭ аусхкқәа рыҟны аус зуа рзы – ашықәсазтәи 12%. 2. Ашәатәқәа аелектронтә хархәагақәа рыла атәанчахәқәеи асоциалтә цхыраагӡақәеи рашәаразы апрограмма анагӡара инаваргыланы, иара убас акредиттә еиҿкаарақәа ареспублика абиуџьеттәи акоммерциатәи еиҿкаарақәа рыҟны «ауалафахәтәы проектқәа» иаларгалази рнаҩс, 2015 шықәса жьҭаарамзазы Аҧсны Амилаҭтә банк иазнархиеит акредиттә еиҿкаарақәа рзы аиҭафинансыркра иазку ҷыдалатәи акредит анаҩс ауалафахәы, атәанчахәы, егьырҭ ашәатәқәа зауа ауааҧсыратә хаҿқәа акредит акарта “АҦРА” ала рыҭаразы. 3. 2015 ш. АА Амилаҭтә банк ахәаахәҭратә еиҿкаарақәа рзы хықәкылатәи апрограмма хацнаркит. Абри апрограммала акредитқәа аҵыхәтәаны изауа ракәхеит заҵәылатәии еизакны аҭиразы ахәаахәҭраҟны аус зуа. Ахәаахәҭратә еиҿкаарақәа рзы апроценттә зыҧҵәақәа рышәагаа шықәсык 18% еиҳаӡам. Аҧсны акредиттә еиҿкаарақәа рыдәныҟаекномикатә усура акәзар, Аҧсны Аҳәынҭқарра инарҭбааны азхаҵара ахьамам иахҟьаны урҭ русура мҩаҧыргоит Урыстәылатәи Афедерациа абанкқәа рыҟны акорреспонденттә хыҧхьаӡаларҭақәа рыла. Убри инақәыршәаны авалиута аҧсахреи, анаҩс егьырҭ атәылақәа рхыҧхьаӡаларҭақәа рахь аиагара мҩаҧысуеит заа иҟаҵоу аҳәарала. Ари аусхк, бжьаратәла, абанктә мшык аҭахуп. 2018 ш. иаҵаҩуп амилаҭтә шәатәтәы системақәа «МИР», «АҦРА» раларҵәаразы Аиқәшаҳаҭра. Ашәатәтәы инфраструктурақәа реидҵара – Аҧсны Аҳәынҭқарра абанктә системазы ихадароу ахырхарҭақәа ируакуп. Урҭ, ганкахьала Аҧсны аҳәынҭқарра атәылауаа Урыстәылатәи Афедерациаҟны акарта «АҦРА» ахархәаразы алшара ҟанаҵоит, егьи аганахьала – Аҧсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа акарта «Мир» аусура алнаршоит. Асистемабжьаратә аларҵәара акартақәа рхархәара агеографиа арҭбаара иацхраауеит, насгьы еиуеиҧшым амилаҭтә шәатәтәы системақәа акартақәа наҟ-ааҟ рыдкыларазы иаку ашәатәтәы наӡаӡа ара аҧҵара алнаршоит. Аимадара Аимадара АА аҟны иццакны иҿио аусхкқәа ируакуп. Урыстәылатәи Афедерациа Аҧсны аназханаҵа ашьҭахь, 2009 ш. аимадара аусхк аҟны аусеицуразы АА-еи УА-еи рыбжьара Амеморандум иаҵаҩын. Ари аҧҟарақәа инарықәыршәаны Аҧсны иаиуит абыжьбатәи адунеизегьтәи азона анумерациа аҭелтә код. Шьҭа ишьақәырҕәҕәоу аимадара аоператор изы иалкаауп агеографиатә код АВС — 840, абларҭатә еимадара аоператорцәа хархәара арҭоит DeF акод — 940. 2017 ш. алагамҭазы иҟан аимадаратә наплакқәа 63 урҭ реиҵаҟәшақәа налаҵаны. Ари аҟәша аалыҵ аҭираҟнытә азеиҧш хашәала абри ашықәс азы иартәеит 2 684,2 млн мааҭ. Аҧсны иҟоуп абарҭ аимадара хкқәа: ·1. Аҭелтә еимадара (араионтә центрқәа зегьы рыҟны хархәара амоуп) - ацифратә телефониа - аиҧш-зеиҧштә телефониа 2. Абларҭатә еимадара(ареспублика ахьынӡанаӡааӡо ахархәара амоуп) - АҞӘАФОН GSM - A - MOБАИЛ 3) Зцәаҳәаҭбаау аинтернет (араионтә центрқәа зегьы рыҟны хархәара амоуп). Адәныҟаекономикатә усура Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҳазалхратә еилакы арбагақәа рыла Аҧсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи ахәаахәҭра 2017 шықәсазтәи амҽхак иартәеит 21 млрд. 444,1 млн. мааҭ, ари 2016 ш. 3 млрд. 111,3 млн. рыла еиҵоуп (13% рыла икаҳаит). Убри аҩныҵҟа иҟоуп: · аекспорт – 3 млрд. 594,0 млн. мааҭ., 2016 ш. – 5 468,0 млн. мааҭ. (акаҳара аццакра – 34%); · аимпорт – 17 млрд. 850,1 млн. мааҭ., 2016 ш. - 19 млрд. 087,4 млн . мааҭ. (акаҳара аццакра – 7 %). Иааизакны, иҵоуроу адинамика атәыла аекономикаҿы имҩаҧысыз аиҭакрақәа ирыбзоуроуп. Иааиҧмрыҟьаӡакәа, ауааҧсыра рганахьала ашәаралшара иацлоит, уи инақәыршәаны ахархәатәқәа рымҽхак иазҳауеит, иаауа атуристцәа рхыҧхьаӡара иацлоит. Аҧсны адәныҟатәи иапартниор дууны иҟоуп УА, уи атауареикәшара зегьы аҟны ахәҭаа 60 % ааннакылоит. Анаҩс ицоит Ҭырқәтәыла, Украина, Китаи, Бразилиа, Прибалтика атәылақәа уб.егь. Аимпорт аҩныҵҟа еиҳа ирацәоуп: афатә аалыҵқәа, аргыларатә материалқәа, аминералтә аалыҵқәа, амыругақәа, абзазаратә техника уҳәа егьырҭ атауарқәа. Аҧсны иалганы ирго аалыҵ еиҳарк инеиуеит УА-еи Ҭырқәтәылеи рџьармыкьақәа рыҟны аграаглыхратә аалыҵ, иааурыхуеи, еиҭаусзыдулахои ааглыхра. Уи иалукаартә ҟалоит атауар абарҭ акатегориақәа: аҩлыхқәа, аҧсыӡи аҧсыӡлыхқәеи, ацитрусқәа, араса, аминералқәа уҳәа уб.егь. Аҧсны аҧсабаратә лшарақәа Аҧсны аҧсабаратә лшарақәа рыла акыр ибеиоуо тәылоуп. Ареспубликаҟны иҟоуп ахаҳәтә рацәа ( 5,3 млн.т.инареиҳ.), аторф, амармалташь, ашьхахаҳәакьыр, габбро-диабазқәа,амел, атуф, абарит, адоломит, атса, еиуеиҧшым аргыларатә материалқәа. Аҧсны ашыцә аҟны иҟоуп анефти агази рацәамкәа. Заа иазгәаҭоу арбагақәа рыла, иамоу анефт 300 инаркны 500 миллионов тонн рҟынӡа артәоит. Анефт аиҳарак ахьамоу амшын ҿықә ацәаҳәаҟнытә 10 км ахьыбжьоу аҭыҧқәа рыҟноуп. Иҟоуп иара убас ирацәамкәа агаз. Ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьыл ҭыҧ зеиҧшла - 421,6 тыс. га. артәоит Аҧсны ӡыла аиқәыршәаразы адунеи аҿы актәи аҭыҧ анызкыло атәылақәа ируакуп: ҧшьыркца километрак аҟны аӡы аӡлеира шықәсык 1,7 млн. куб. м. инеиҳаны артәоит. 120 ӡиас рзеиҧш аура — 5 тыс. км.иреиҳауп. Еиҳарак дара арҩашқәоуп, ари агидрофымцамч маҷ арҿиаразы лшара бзиоуп. Адгьылҵакыра 57 % (497 тыс. га) бнала ихҟьоуп; игылоу абна зеиҧшла иугозар иартәоит 114,5 млн куб. метр. Аҧсны иамоуп арекреациатә лшара дуӡӡақәа. 200 инарзынаҧшуа пансионат, ҧсшьарҭа ҩны, гәабзиарачаҧарҭа, сасааирҭа, ахәыҷтәы гәабзаиарачаҧарҭатә база ыҟоуп аҳауатә зонақәа зегьы рыҟны — асубтропикатәқәа инадыркны акаҵәаратәқәа рҟынӡа. Иҟоуп 120 термалтәи минералтәи ӡқәа. Азеиҧш информациа Аҳәынҭқарра асимволика Аҧсны аҭоурых Аекономика Акультура Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://presidentofabkhazia.org/aps/respublika_abkhazia/economy/
2024-02-29T15:43:17Z
<urn:uuid:e3775386-dbc9-4058-bc95-b1e610854ca0>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.91
0.99
124
41,854
tlsh:T1BA283F13AD40CB4FC1B3C099CA828E356CD1980743627230CEC9F5751646099EFFCC13BAFAE9068974DB1512D211BB10A94EFDE965BDAFE7705640A46E2F78E937A437D2AE
Шьоҭа Еугьан-иԥа Ҷкадуа (аур. Шота Евгеньевич Чкадуа; нанҳәамза 20, 1932 ш., Кәтол ақыҭа, Очамчыра араион — ажьырныҳәамза 2, 2003 ш., Аҟәа) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, асатирик, адраматург. Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура] Диит 1932 шықәса нанҳәамза 20 рзы Кәтол ақыҭа Очамчыра араион. Иԥсҭазаара далҵит 2003 шықәса азы. Джуп Кәтол ақыҭа. Аҵара иҵон Кәтолтәи, Тамшьтәи ашколқәа рҿы. 1952 шықәсазы Шоҭа Ҷкадуа дҭалоит А.М.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭкарратә педагогтә институт. Далгеит 1956 шықәсазы. Акыр щықәса инеиԥынкылан аус иуан агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿ, литературатә усзуҩыс, Аҟәша аиҳабыс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ. Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1946 шықәсазы, поет ҳасабла /рапхьатәи иажәеинраалақәа кьыԥхьуп агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь», «Альманах» рдаҟьақәа рҿы. Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 922 Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Чкадуа Шота Евгеньевич (аур.) Ҷкадуа Шоҭа Еугьан-иԥа (аԥс.) КОӶОНИАԤҲА, Елеонора. "Атеатри абзиабареи енагь еицын…". Спутник Аԥсны. хәажәкырамза 27, 2020 ш. Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Ҷкадуа,_Шьоҭа_Еугьан-иԥа&oldid=134276 Акатегориақәа: 1932 шықәсазы ииз Нанҳәамза 20 рзы ииз 2003 шықәсазы иԥсыз Ажьырныҳәамза 2 рзы иԥсыз Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Аԥсны апоетцәа Ҷкадуаа Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 10:02, 5 ԥхынҷкәынмза 2023. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D2%B6%D0%BA%D0%B0%D0%B4%D1%83%D0%B0,_%D0%A8%D0%BE%D2%AD%D0%B0_%D0%95%D1%83%D0%B3%D1%8C%D0%B0%D0%BD-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
2024-02-28T06:07:38Z
<urn:uuid:fe4f1d34-9405-4a63-8d16-bbc805ab2fe3>
[ "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.8
0.89
0.93
18
2,879
tlsh:T1EBCF07510E40CB5BC2B3D084C952CC2A4AD1A85342A23372CDD2F1B52B111C8EBBCC02F7FCAD654A29EF5132A256AE10ED89FDD845BC5EDB30E350912D2F38E9075077D69E
Абжьқәа 99% рыԥхьаӡараан ишеилкаахаз ала, Молдова апарламенттә алхрақәа рҿы Маиа Санду лпартиа 52.4% аиуит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Абжьқәа 99% рыԥхьаӡараан ишеилкаахаз ала, Молдова апарламенттә алхрақәа рҿы Маиа Санду лпа... Иҵегь аҭагалара Абжьқәа 99% рыԥхьаӡараан ишеилкаахаз ала, Молдова апарламенттә алхрақәа рҿы Маиа Санду лпартиа 52.4% аиуит 10:09, 12.07.2021 Абжьқәа 99% рыԥхьаӡараан ишеилкаахаз ала, Молдова апарламенттә алхрақәа рҿы Маиа Санду лпартиа 52.4% аиуит. Молдова ацентртә алхратә комиссиа аинформациа ала, аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит аблок “Акоммунистцәеи асоциалистцәеи” – 27.3%, ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит “Шори” – 5.7% განხორციელება. АДУНЕИАҾЫ aпaрлaменттә aлхрaқәa Moldova 4 Еиҧшу Афракциа «Амилаҭтә ҵысра» Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ааҧхьара ҟанаҵоит Аусеицуреи Ашәарҭадареи Европатәи Аиҿкаареи рахь аҳәара ҟарҵарц алхрақәа рыцклаҧшразы анаҧшцәа аарышьҭырц Алхратә комиссиа хада апарламенттә алхрақәа иалахәхәо апартиақәа ррегистрациатә процедурақәа ирызкны аинформациа аланарҵәеит Молдова апарламент жәларбжьаратәи асанкциақәа рхархәара иазку азакәан шьақәнарҕәҕәеит Иахьа Молдова аҭыҧантәи алхрақәа мҩаҧысуеит Матеуш Моравиецки - Апарламенттә алхрақәа рҿы „Азини аиашареи“ аиааира агеит, нагӡара ақәзааит Польша Польша апарламенттә алхрақәа мҩаҧысуеит Словакиа апарламенттә алхрақәа мҩаҧысуеит Германтәыла, Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам ҳәынҭқаррақәас иазхаҵаны, дара рҟны амиграциа аусхкы аҿы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ргәы иҭоуп Владимир Зеленски – Украина аиааира Қырҭтәылагьы Молдовагьы рҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара иацхраауеит, арҭ атәылақәа уи азыҳәан аибашьра рықәшәом Володимир Зеленски - Аиааира агаранӡа Украинатәи аибашьра нагӡахоит, Урыстәыла уаанӡагьы аибашьра ахыркәшара алшоит ҳаԥсадгьыл иқәҵыр Амш зеиҧшрахо 4° ашә Қaрҭ ашә 3° аҩ 5° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/abzh%D1%8Cqa-99-rm%D4%A5x%D1%8Cadzaraan-isheilkaaxaz-ala-moldova-aparlamentt-alxraqa-rtchvm-maia-sandw-lpartia-52-4-aiwit/
2024-03-03T22:04:07Z
<urn:uuid:af42c920-7afb-40b7-8a44-3572a0941dfc>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.9
0.61
0.93
44
4,642
tlsh:T1C6DE49A14740DB4BC5B7C598DA918D362CD1681B9261B130CEC5F4702552099EBBCD13F9FEEC6A8A708F2411D122FF116606FCDA647DBADB615640E05E3E38EE23A473CAAE
Рауль Ҳаџьымба 1992-1993 шықәсазтәи Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәеи араионтә ассоциациақәа ринвалидцәа рнапхгаҩцәеи дырҧылеит. Аиҧылара далахәын аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Шамиль Аӡынба. Аиҧылараан ирылацәажәеит Афонд аусура, урҭ ахәшәқәа рыла реиқәыршәареи, Аҧснеиҧш, уи анҭыҵгьы амедицинатә усбарҭақәа рыҟны аибашьра аинвалидцәа рыхәшәтәреи ирыдҳәалаз азҵаарақәа. Аинвалидцәа Рфонд ахантәаҩы Бадри Агрба Ахада аинформациа ииҭеит абиуџьет ахь иааиуа ашәахтә хыҧхьаӡаларақәа шмаҷу, уи Афонд аусуреи аинвалидцәа ианаамҭоу ахәшәқәа рыла реиқәыршәареи шаруадаҩуа. Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит 1992-1993 шықәсазтәи Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рыпроблемақәа еиҳа инарҵауланы ганрацәала рыҭҵаара аҭахны ишыҟоу, уи ашьҭахь лҵшәа змоу аҳәынҭқарратә политикала рыӡбара шалыршатәу. Ахада дақәшаҳаҭхеит аибашьратә хҭысқәа раан ааха змоуз ауаа аибашьра аинвалидцәа рыршаҳаҭга рыҭара шыҟамло атәы. «Афонд аибашьра аинвалидцәа рыцхрааразоуп изаҧҵаз. Ари акатегориа иаҵанакуа атәылауаа ирзынархоу аҧарақәа дара ирықәхарџьзароуп», - иҳәеит Ахада. Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Шамиль Аӡынба иара убас иазгәеиҭеит ибааҧсны ишыҟоу аибашьра аинвалидцәа рахь иаҵанамкуа ауаа рыла аинвалидцәа рхыҧхьаӡара аизырҳара. «Агәаҕьра аарҧшны арҭ асиақәа рҭыҧ рықәҵара ҳалагароуп. Уи аартны иубартә иҟазароуп», - иҳәеит иара. Аиҧылара иалахәыз иара убас ирылацәажәеит аинвалидцәа рсоциалтә реабилитациа, урҭ усурҭа ҭыҧла реиқәыршәара, зылшарақәа ҧку ауаа гәыгәҭажьымхарц азы аҭагылазаашьа аҧҵара атәы уҳәа уб.иҵ. азҵаарақәа. Араионтә ассоциациақәа рхаҭарнакцәа иазгәарҭеит атәыла анапхгареи аҭыҧантәи амчра аусбарҭақәеи рганахьала зҿлымҳара аҭахны ишыҟоу. . Рауль Ҳаџьымба иаҵшьны иазгәеиҭеит, аинвалидцәа рганахьала иҟоу апроблемақәа рыӡбаразы иахьынӡалшо ацхыраа шыҟало. «Аҳәынҭқарра шәыцхраауан, аринахысгьы ишәыцхраалоит», - иҳәеит Ахада. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2277/
2024-02-29T09:07:16Z
<urn:uuid:3966d26b-7b82-43ec-b17a-b3a9afcd85ea>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.91
0.88
0.97
17
4,291
tlsh:T18E0A3E916940CB8BC6B3C069CE814E3528D1980B57A27660CEC9F0B2564605DEFFCD13A5FBF41A56A4EB0142D151BE15664DECEA25BEAFD7744240B16D3F7CD837A036D1AE
Ашьаҧылампыл асразы адунеи Ачемпионат ConIFA аартра аламҭалазы Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ашьапылампыл асразы акоманда ахәмарыҩцәеи азыҟаҵаҩцәеи реилазаара дырҧылеит. Ахада ачемпионат аҽазыҟаҵара иаҿу аспортсменцәа адгылара шриҭо атәы иҳәеит. «Аҧсны раҧхьаӡакәны ас еиҧш аусмҩаҧгатә мҩаҧысуеит. Ари ахҭыс ҳара ҳзы даара акрызҵазкуа акоуп», - иазгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба. Рауль Ҳаџьымба иаҵшьны иҳәеит аҧсуа шьапылампыл аҭоурых ду шамоу, иахьатәи абиҧара уи иреиҕьу атрадициақәа анагӡара рылшап ҳәагьы игәы ишаанаго. «Агәра ганы сыҟоуп, шәара ишәылшо зегьы шыҟашәҵо иреиҕьу алҵшәақәа риуразы. Аҧснытәи ахәаҧшҩцәа шәеихьӡарақәа ирзыҧшуп. Ҳшәықәгәыҕуеит, шәыгәрагьы ҳгоит», - иациҵеит Ахада. Аҳәынҭқарра ахада ашьапылампыл асыҩцәа ирзеиҕьаишьеит иҟалараны иҟоу ачемпионат аҟны аихьӡарақәа. Аиҧылара иара убас далахәын Аҧсны Ашьапылампыл асразы афедерациа апрезидент Руслан Аџьынџьал. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/4468/
2024-02-29T08:28:03Z
<urn:uuid:f069f7c5-8710-4c4c-b516-2943e53c9bd3>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.85
0.85
0.95
13
2,482
tlsh:T1A8DF30516A40CB47C1F7D4ADDF814B3554D0244602A67A91CD8AF1B116420A5EBFCD13EAFBE81647B4E71521D266FB14B90EBDDA687DEAE3705200553C3FB8D827A535C1AE
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра аҽрымаданы ахатә зинмчқәа аҳәаақәа рыҽҭагӡаны аус аднаулоит, имҩаҧнагоит иаку аҳәынҭқарратә аҧара-кредиттә политика; иҟоу аҧарақәа аемиссиа рзыҟанаҵоит, урҭ реикәыршара еиҿнакаауеит; акредиттә инстанциақәа рзы аҵыхәтәантәи аинстанциа акредиторс иҟоуп, еиҿнакаауеит афинансркра асистема; Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аҳасабкрақәа рынагӡашьа аҧҟарақәа шьақәнаргылоит; абанктә системазы абанктә операциақәеи, аҳасабеилыргаратә ҳасаббареи, аҳасабрбареи рынагӡашьа аҧҟарақәа шьақәнаргылоит; акредиттә еиҿкаарақәа рҳәынҭқарратә ҭаҩра нанагӡоит; акредиттә еиҿкаарақәеи аудит знапы алаку аиҿкаарақәеи алицензиақәа рнаҭоит; акредиттә еиҿкаарақәа русура иахылаҧшуеит, аконтроль рзыҟанаҵоит; азакәанқәа инарықәыршәаны, акредиттә еиҿкаарақәа рыҟны хәызмоу ақьаадқәа ремиссиа ҭанаҩуеит; ахала, мамзаргьы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра адгыларала инанагӡоит Аҧсны Абанк иахәҭоу аусӡбатә хадақәа рынагӡаразы абанктә операциахкқәа зегьы; инанагӡоит авалиутатә ҭышәныртәалара, аҳәаанырцәтәи авалиута аахәареи аҭиреи ирызку аоперациақәа убрахь иналаҵаны; иҳәаақәнаҵоит аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рыҟны аҳасабкрақәа рынагӡара аҧҟарақәа; еиҿнакаауеит, инанагӡоит авалиутатә контроль Аҧсны Аҳәынҭкарра азакәанҧҵара инақәыршәаны; еиҿнакаауеит, инанагӡоит ацәгьауаҩратә хашәалахәқәа раргаматәреи (рҿыӡәӡәаареи) атерроризм афинансркреи раҧырҟәҟәаареи рзы аусмҩаҧгатәқәа; аҽаланархәуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахәшәаратә баланс апрогноз аус адулараҿы, еиҿнакаауеит Аҧсны Аҳәынҭкарра ахәшәаратә баланс аиқәыршәара; Аҧсны Аҳәынҭқарра аекономика аҭагылазаашьазы имҩаҧнагоит анализи апрогнозҟаҵареи, зегь раҧхьаӡагьы, аҧара-кредиттәи авалиута-финанстәи аусхкқәа рыҟны, иакьыҧхьуеит урҭ ирышьашәалоу аматериалқәеи астатикатә дырраҭарақәеи;
https://nb-ra.org/ab/funkczii-banka-abxazii.html
2024-02-29T14:22:54Z
<urn:uuid:2d07b4c3-c8af-4616-835c-e35823fc0904>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
14
3,245
tlsh:T19E8AC36127408BC7C5F3C088C282DA3559E0681B423279708EC8F4752A5109EFBECD13AEB9E8428874EF1255D125BF25590EEDD994BD7FE7B15610A06E7F34ED366036D2DD
Рауль Ҳаџьымба аҧсуа массатә информациа ахархәагақәа рнапхгаҩцәа аҩныҵҟатәи аҭагылазаашьеи аҧсуа-аурыс еизыҟазаашьеи рызҵаарақәа ирызкыз аинтервиу риҭеит. Агазеҭқәа «Республика Абхазия», «Чегемская правда», «Нужная» рредақторцәеи ААТЕ адиректор хадеи ателеканал «Абаза-ТВ» адиректор хадеи рыҿцәажәараҟны ирылацәажәеит аҩныҵҟаполитикатә ҭагылазаашьаҟны иахьа ихадараны иқәгылоу азҵаарақәа, аекономика аҿиара, аиҳабыреи аоппозициеи рыбжьара адиалог, аконституциатә реформа амҩаҧысшьа, аҧсуа аурыс еизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу ганқәак уҳәа актуалра злоу атемақәа. Рауль Ҳаџьымба дахцәажәеит Аҧсни Урыстәылеи Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рзы аинформациатә-координациатә центр иазку аиқәшаҳаҭра апроект аус адулара шымҩаҧысуа атәы, иҳәеит 2016 шықәсазтәи абиуџьет ашьақәыргыларазы знеишьа хадақәас иҟоу.
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2399/?print=Y
2024-02-22T20:55:22Z
<urn:uuid:3f3bd573-25ea-4fbe-8f66-7ce636ac714f>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
3
1,497
tlsh:T11514D8315C40CF4BD173C15585D28E3568D058534662F230DEC5B0B05A5109AEFFCE13AAFAE909C570E71611D19AEF246A0BBCE819BCAED7319204E13E2F34AD35A576C6DD
Иманшәалоу аимадара Кешбек Асрақәа<br>рнапхгараҭара Ноль аныҟоу<br>алшарақәа Ароуминг Аинтернет<br>маҵзурақәа Ихарҭәаау<br>апакетқәа Агәырҿыхарақәа Агәыҳалалра Абонентцәа<br>рымаҵ аура Архиагақәа Аҧхьаӡаратә<br>усурақәа<br>рымҩаҧгара USSD Ахарҭәаара E-sim Аномерқәа рыдәқьан Амаҵзура ахьаҿаркуа Амаҵзура ҭыԥқәа Аҿакразы адокументқәа Оборудование Акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа Акорпоративтә маҵзурақәа Colocation Аопциа «Супер роуминг» Услуга «Продажа IP-трафика» Амаҵзура «Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа 150 минуҭ апакет» Амаҵзура «Апакет 20 минуҭ Урыстәылаҟа» USSD-амениу Супер АОН Аофистә номер Ибзоу ноль Амобилтә Интернет «Aquanet» аинтернет-пакетқәа SMS-пакетқәа Аномер аилыркааҿагыла АҞӘАФОН абонентцәа рзы ароуминг Шәара ишәзасуан Амаҵзуреи ацхыраареи А-SIM-карта аԥсахра Абоненттә номер аԥсахра Ахәхшәааратә план аԥсахра Аиқәшаҳаҭра даҽаӡәы ихьӡала аҟаҵара Аԥхьаӡара есымза детальла аарԥшра Есымзатәи аԥхьаӡара Аномер хатәгәаԥхарала аанкылара Абоненттә еиқәшаҳаҭра адокументқәа Оборудование Асаит ахсаала Хаҭалатәи аклиентцәа рзы Акорпоративтә хархәаҩцәа рзы Оборудование +7 940 999 99 99 Асаит ахсаала Русский Ахәхшәааратә планқәа Асмартфон азы Ателефон азы Аинтернет азы Асасцәа рзы Архивтә хәыхшәааратә планқәа Амаҵзурақәа Иманшәалоу аимадара Кешбек Асрақәа рнапхгараҭара Ноль аныҟоу алшарақәа Ароуминг Аинтернет маҵзурақәа Ихарҭәаау апакетқәа Агәырҿыхарақәа Агәыҳалалра Абонентцәа рымаҵ аура Архиагақәа Аҧхьаӡаратә усурақәа рымҩаҧгара USSD Ахарҭәаара E-sim Аномерқәа рыдәқьан Амаҵзура ахьаҿаркуа Амаҵзура ҭыԥқәа Аҿакразы адокументқәа Акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа Акорпоративтә маҵзурақәа Colocation Аопциа «Супер роуминг» Услуга «Продажа IP-трафика» Амаҵзура «Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа 150 минуҭ апакет» Амаҵзура «Апакет 20 минуҭ Урыстәылаҟа» USSD-амениу Супер АОН Аофистә номер Ибзоу ноль Амобилтә Интернет «Aquanet» аинтернет-пакетқәа SMS-пакетқәа Аномер аилыркааҿагыла АҞӘАФОН абонентцәа рзы ароуминг Шәара ишәзасуан Амаҵзуреи ацхыраареи А-SIM-карта аԥсахра Абоненттә номер аԥсахра Ахәхшәааратә план аԥсахра Аиқәшаҳаҭра даҽаӡәы ихьӡала аҟаҵара Аԥхьаӡара есымза детальла аарԥшра Есымзатәи аԥхьаӡара Аномер хатәгәаԥхарала аанкылара Абоненттә еиқәшаҳаҭра адокументқәа Ихадоу адаҟьа АҞӘАФОН АҦСНЫ АЗЫ Агәабзиарахьчара АҞӘАФОН АҦСНЫ АЗЫ Аҵара Аспорт Акультура Агәабзиарахьчара Ауаажәларратә ҵысрақәа, ассоциациақәа, аидгылақәа Агәабзиарахьчара Контактный центр +7 940 999 99 99 Агәабзиарахьчара – зегь реиҳа ауаа ирзааигәоу, аҳәынҭқарраҿы акырӡа зҵазкуа социалтә хырхарҭоуп. Хаҭала иара ауп атәылауаа рыҧсҭазаареи ргәабзиареи аиқәырхаразы аҭакҧхықәра зду. Агәабзиарахьчара ацхыраара азуа, АҞӘАФОН амилаҭ рыҧсҭазаара аҩаӡара аиқәырхареи, уи аизырҳареи аус аҿы ахатәы лагала ҟанаҵоит. -------------- Агәыҳалалратә акциа «Еицаҳахьчап аҧсҭазаара» Амедицинатә цхыраара иазгәаҟуа ахәыҷқәа рыҧсҭазаара аиқәырхаразы АҞӘАФОН абонентцәа рхатәы лагала аҟаҵара мап шацәырымкуа агәра ганы, 2012 шықәса раахыс Аилахәыра ирынаҭеит алшара, ачымазцәа хәыҷқәа рзы аҧара еизгара иазку агәыҳалалратә акциа «Еицаҳахьчап аҧсҭазаара» алахәхара. Уи акциа акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» иацымҩаҧыргоит . Ари акциа мҩаҧысуанаҵы, АҞӘАФОН иалнакаахьеит уи аҿы зегь реиҳа активра зуа алахәцәа хәҩык. Урҭ ирыхҵан 2Зегь реиҳа згәы былуа 2012 шықәсазтәи абонент» ҳәа ахьӡ. Есшықәса имҩаҧысуа Акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» Аҩбатәи иаарту аизараҿы урҭ дасу иранашьан агәалашәаратә стела «Ацыгәхьаакратә лаҕырӡы», ҕәҕәала ичмазаҩу ахәыҷқәа систематәла ацхыраара ахьрырҭо азы ирыҭан аҳаҭыртә шәҟәы, иара убас АҞӘАФОН аҟнытә акорпоративтә аалыҵқәа реизгеи ашәҭқәеи. Аҩбатәи иаарту аизара мҩаҧысит мшаҧы мза, 2013 шықәсазы. -------------- АҞӘАФОН Агәыӡератәи арратә хәышәтәырҭа иазыҟанаҵо афинанстә цхыраара Инеиҧынкыланы акыр шықәса Аилахәыра АҞӘАФОН аспонсортә цхыраара ҟанаҵоит Агәыӡератәи арратә хәышәтәырҭа медицинатә техникала аиқәыршәара иазку апроект аларҵәаразы. Раҧхьатәи аетап аҿы ахыбра аиҭашьақәыргыларатә усқәа ҟаҵан, қәҿиарала аусуразы иаҭаху ахьчаратә нормақәеи аҩаӡарақәеи зегьы азгәаҭаны. Анаҩс Аҧсны раҧхьаӡа акәны уаҟа иаартын “Акомпиутертә томографиа” ауада. Иахьа уажәраанӡагьы АҞӘАФОН ари арратә хәышәтәырҭа ацхыраара анаҭоит. АҞӘАФОН афинанстә цхыраара иабзоураны, атравматологиатә ҟәша иаиуит ачымазцәа рыхәшәтәразы иаҭахыу аметаллеибыҭақәеи “Елизаров иаппаратқәеи”. Аусура иаларгоуп алазертә хирургиа ауада. Уи еибыҭоуп артроскопиатәи, аурологиатә имаҷу аинвазивтә ҧҟарақәа рзы иаҭахыу ҳаамҭазтәи амаҭәахәқәа рыла. 2012 шықәса лаҵара мзазы АҞӘАФОН аҧара азоунажьит арратә хәышәтәырҭа ахирургиатә ҟәшаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧгаразы. АҞӘАФОН хылаҧшрада иннажьуам ари арратә хәышәтәырҭа амедициантә персонал рквалификациа аизырҳара иадҳәалоу апроблемақәа рыӡбара аус аҿгьы. Уи ацхыраара ҟанаҵоит Москвеи Санкт-Петербурги иреиҕьу ахшәтәырҭақәа рҟынтәи иналукааша Урыстәылатәи аспециалистцәа Аҧсныҟа раагараҿы. Иара убас АҞӘАФОН инагӡаны ахахьы иагеит иласу амедицинатә цхыраара аҟаҵаразы иаҭаху атехникала еиқәыршәоу аҧсҭаҵаратә мобиль аахәаразы аҧарашәара. -------------- Абиохимиатә анализи ИФА – адиагностика аҟаҵаразы алабораториа “АҞӘА +” аартра. 2008 шықәса, лацарамза азы имҩаҧысит абиохимиатә анализи ИФА-и адиагностика аҟаҵаразы алабораториа “АҞӘА +” аартра. Ҳаамҭа иашьашәалоу амедицинатә маҭәахқәа рхархәара алшара ҟанаҵоит ачымазара хкқәа жәпакы адиагностика рзура. Уажәшьҭа амедицинатә гәаҭара зҭаху ҳтәылауаа аҳәаанырцә ацара рықәшәаӡом, урҭ рзы ҳреспубликаҿы иаартуп раамҭеи рҧарақәеи аекономиа рзызуа, зылшарақәа акыр иҭбаау алабораториа. Уи алабораториа ахә ҳаракны иршьоит ахәшәтәра знапы алаку ҳреспублика аҳақьымцәагьы, “АҞӘА+” ииашаны, иақәшәаны иҟанаҵо адиагностикатә дыррақәа урҭ русураҿы акыр ицхыраагӡаны иҟоуп. -------------- Ахәыҷқәа-хымхәацәа рҭаацәа Рассоциациа “Зхы иақәиҭу ашьаҿа” ацхыраара Мызкы инаркны 14 шықәса зхыҵуа рҟынӡа, аныҟәара злымшо ахәыҷы чымазцәа ршьапы рықәыргылара иазкыз апрограмма алыршаразы 2007 шықәса инаркны ҩышықәса рыҩныҵҟала, есымза иааиҧмырҟьаӡакәа АҞӘАФОН иҟанаҵон аҧаратә цхыраара. Ахәыҷқәа ирырҭон цәеи-жьылеи еиҧш, апсихологиатә цхыраарагьы, есымша имҩаҧыргон амассажтә курсқәа, ахәшәтәратә баҩырҵәыра, аортопедтә шьҭаҵара. Арҭ ашықәсқәа рзы иҟаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны иалыршахеит аусзуҩцәа рхыҧхьаӡара аиҵыхра: ацентр аҿы дҟалеит амассажҟаҵаҩы, ахәшәтәратә баҩырҵәыра аинструктор. Ҩынтәны еиҳахеит иаҭаху ацхыраара ззыҟарҵоз ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара. Уи инаҷыдангьы, есышықәса лаҵара 1 азы – “Ахәыҷқәа Рымш” аан – “Итәыму хәыҷы дыҟаӡам” ҳәа ахьӡҵаны, АҞӘАФОН аныҳәа рзымҩаҧнагоит Ассоциациа аҟнытә ахәыҷқәа– еиҿыркаауеит ақьачақьцәа рҭаара, акьанџьатә спектакльқәа рырбара, ахәыҷқәа ирырҭоит еиуеиҧшым аҳамҭақәеи агәалаҟазаара бзиеи. -------------- Апсихологиатә цхыраара АЦЕНТР аматериалтә дгылара азура Жәабран мза, 2007 шықәса инаркны 2008 шықәса нҵәаанӡа АҞӘАФОН аматериалтә цхыраара анаҭон апсихологиатә цхыраара Ацентр “Гармониа”. АҞӘАФОН афинанстә цхыраара азнауан иманшәалам аҭаацәа рҿы ирааӡо ахәыҷқәа апсихосоциалтә реабилитациа рзыҟаҵареи рпсихологиатә гәабзиара арыҕәҕәареи хықәкыс иҟаҵаны Ацентр имҩаҧнагоз апрограмма. Аспонсортә цхыраара аҭахын, аибашьра аани аибашьра ашьҭахьи астресс зауз ахәыҷқәа рпроблемақәа рыӡбара иацхраауаз, ахәмарра ҟазшьа змаз абаҩырҵәырақәа рымҩаҧгаразы. -------------- Ареспубликатә реабилитациатә Центр (РРЦ) ацхыраара азура Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иахҟьаны ихымхәацәаны иаанхаз аветеранцәа рыцхыраара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Гагратәи Ареспубликатә Реабилитациатә (ашьапы ақәыргыларатә) Центр аҩныҵҟатәи аҭахрақәа рзыҳәан АҞӘАФОН цәыббра мза, 2005 шықәса инаркны, изныкымкәа аҧара рацәаны иазылырҩаахьеит. Иара убас, АҞӘАФОН традициала иҟанаҵо ацхыраара анаҩсгьы, 2008 шықәса жьырныҳәа мзазы ари Ацентр ҳамҭас ианаҭеит аибашьцәа-хымхәацәа араҟа рыҟазаара маншәаланы, икомфортны иҟаларц азы иаҭаху атехника. -------------- ВИЧ-инфеқциа змоу Ареспублика Аҧсны атәылауаа рҭаацәарақәа рҟнытә ахәыҷқәа аматериалтә цхыраара рыҭара СПИД иаҿагыланы ақәҧара иазку Адунеизегьтәи амш инақәыршәаны еиҿкаау апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, АҞӘАФОН аамҭа-аамҭала аматериалтә цхыраара рзыҟанаҵоит ВИЧ-инфекциа змоу Ареспублика Аҧсны атәылауаа рҭаацәарақәа рҟынтә ахәыҷқәа . ВИЧ-инфекциа змоу иҕару аҭаацәа рҿынтәи ахәыҷқәа АҞӘАФОН аҟнытә ҳамҭас ирыҭан аӡынтәи аимаақәеи хыхьтәи ашәҵатәқәеи.
https://aquafon.com/for-abkhaziya/2660/?language=ab
2024-02-26T20:31:28Z
<urn:uuid:92eda7c2-ca7e-4bec-aaa4-e3a8f932f8ee>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.86
0.75
0.98
81
15,190
tlsh:T192A0C7625B40CB4BC5B7C058CAC28E392DD1680782227330CEC9F570150209DEFFCD13AAFAE8599E74DB1525D525AF11994AEDEA397D6BD3715300A16E2F38ED27A437E6AE
Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Виачеслав Володин напхгара ззиуа УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума аделегациеи реиԥылара. Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа аҧсшәа раҳәо, иазгәеиҭеит аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аимадара арҿиара, иара убас апарламентбжьаратә усеицура аԥхьаҟа аиҳахара иамоу аҵакы. "Ҳара ҳзы гәахәароуп ҳаиашьаратә Урыстәыла ахаҭарнак, Урыстәыла зегь реиҳа зыҩаӡара ҳараку анапхгаҩы дсасны дахьаҳҭоу. Агәра згоит Шәара шәаара ҳаимадара даҽакала арҿыхара шалшо, ишәымоу аҧышәа ду, хымҧада, уажәраанӡа иаҳзымыӡбац азҵаарақәа рыӡбара ишацхраауа. Убри аҟынтә, Шәара шәаара, Урыстәылеи Аҧсни рыжәларқәа ринтересқәа ишрызкхо, ҳгәаанагарақәа реизааигәатәра ишацхраауа, алҵшәақәа рыманы ишыҟанаҵо. Бзиала шәаабеит, Аҧсны. Иҭабуп, Шәара шәахьаҳҭааз", - иҳәеит А. Бжьаниа. Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит иааиԥмырҟьаӡакәа иҟарҵо ацхырааразы. "Аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы афымцамч инамаданы ауадаҩрақәа ҳаман, аха Урыстәыла анапхгара иабзоураны ари ауадаҩра аҧыхын",-иҳәеит Ахада. Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Аҧсны Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит аиҧыларазы. «Ҳара ҳтәылақәа ҳанрылацәажәо, ҳаизыҟазаашьақәа аиҩызаратәи, астратегатәи ҟазшьа шрымоу ҳасаб азаҳаулароуп. Аизыҟазаашьақәа реизырҳара амҩақәҵара зылшо аҳәынҭқарра Ахадацәа. Ҳара хықәкыс иҳамоу - иҳадаҳкыло азыӡбақәа закәанла реиқәыршәароуп. Арҭ азҵаарақәа лыҵшәа рыманы иҳаӡбароуп", - иҳәеит Виачеслав Володин. Иара иажәақәа рыла, ахархәара рзутәуп "иҿыцу аформатқәа апарламенттә шәага-загақәа рҳәаа иҭагӡаны, ҳтәылауаа ринтересқәа ирықәыршәаны азҵаарақәа рыӡбаразы, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аизыҟазаашьа аҿиара рымазарц азы". Аиԥылара иалахәын: аԥсуа ган аҟнытә – Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи, Аԥсны Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба; урыстәылатәи аган аҟнытә – Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Неверов, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәеи, евразиатәи аинтеграциеи, аџьынџьуаа рымадареи рзы Аҳәынҭқарратә Дума аилак ахантәаҩы Леонид Калашников, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу УА Аҷыдалкаатәи Азинмчи змоу Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15156/
2024-02-24T23:38:14Z
<urn:uuid:ced8a383-5841-4557-94bf-300c6ca6d891>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.88
0.98
17
4,715
tlsh:T1222CA3A16A80878BD9B3C0598E829E31ADC158424762B360CFC9F1B50782099EBFCD13EAFBE4154A74DB1511D2627F24690DEDEA697EAAD7704341E16C3F78DC379476C2AE
Европейский Союз в действии: работая на благо более безопасной Европы и более стабильного мира (субтитры на абхазском) Один день из жизни наблюдателя (субтитры на абхазском языке) Аимадара Аус ҳуеит ашәарҭадареи, агәрагареи аиҭашьақәыргыларазы Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшратә миссиа ҳауп. 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала аибашьра аҟәыҵра иазкны аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь ҳара ҳмиссиа арахь&nbsp;иаашьҭын. Аҧыҧшра 24/7 Амиссиа ахатәы аусура 2008 шықәса цәыббра мза ианалага инаркны, ҳара инаҳагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара, Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧсни административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ираҳҭоит, Европатәи аполитика иазааигәоу аилазаашьақәа Қырҭтәылеи, арегиони рҿы рхатәы политика ашьақәыргылараҿы ацхыраара раҳҭоит. Аибашьратә хҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара Ҳара ҳприоритетқәа аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара аҭареи, Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа азааигәара инхо ауаа ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи, еиҿагылоу аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылареи, Қырҭтәылеи, арегиони ирызкны Европатә аполитикатә ҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Аганқәа рыбжьара адырраҭара аиҭныҧсахлара Аидыслара ма ашәарҭадара иазку, ма егьырҭ азҵаарақәа цәырҵыр, ҳара аҭагылазаашьа аилкааразыи, аибарххара ма аиҿыхара аҽацәыхьчарази ацхыраара раҳҭоит аганқәа адырраҭара аиҭныҧсахлараҿы. English / ქართული / Русский / Ирон / Аҧсуа / հայերեն / Azərbaycan / Ихадоу Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом. Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом.
https://eumm.eu/ab/new_media_gallery/s8kbsjgb7bmrrq2sd
2024-02-28T00:15:32Z
<urn:uuid:1dc038cd-4258-4acd-8dfa-5e2aa81ac1c9>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.85
0.99
27
6,705
tlsh:T1B51D2AD14544CB4BC173D4A9CA818F386CE26D578212B270CD8EF5B21685059EFFCC139ABAE8015B70EB1911D121BF10690AECDA687DBBE7B04240B65E3E7CDD276576C5AE
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысит атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилатәара Ажьырныҳәамза 23 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысит Шергелиа Т. А. хантәаҩра ззиуаз атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак инарҭбаау аилатәара. Ирылацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны маӡалатәи аекскурсиатә усура иадҳәалоу апроблемақәа. Аилатәара иалахәын Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, адепутатцәа, «АԥсныГид» ассоциациа актив, Аԥсны Аҳәынҭқарра АШӘА ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Рустам Латипов, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа, атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц. Атуризм аусхк аҟны иҟоу апроблемақәа рыхцәажәараан аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Рустам Латипов аҳәара ҟаиҵеит азинеилагаҩцәа рсиа цәырыргарц, урҭ Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакырахь аҭалара иақәиҭхаӡом административтә хараԥса ршәаанӡа ҳәа. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа иҳәеит ААИ ареидтә усмҩаԥгатәқәа раан ацхыраара ишазхиоу. Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша иҳәеит ари апроблема аӡбаразы аус зуа азакәан арҽеирақәа ралагалара шалшо. Апарламент адепутат Асҭамыр Герхьелиа иазгәеиҭеит изхәаԥшуа азҵаара иамоу аҵак ду, иҳәеит маӡалатәи агидцәа русура аанкыларазы аекскурсиатә усура ахылаԥшра арӷәӷәара шаҭаху атәы. Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилак алахәцәа ирҳәеит ари азҵаара аӡбаразы азакәанԥҵарала ацхыраара аҭара ишазхиоу.
https://parlamentra.org/ab/novosti/4373.html
2024-02-24T11:36:21Z
<urn:uuid:a9d7836e-4c43-499c-8a3a-7bc47b0265b4>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
7
2,598
tlsh:T1C4E9F7510540CF9BC5B3D054DAC159356CC269425272B360CEC9F1B1021618EEFFCD23D5B9FC194B789B1A22D5627B16BA0DEEFA14BC3EE3305201A07A1F38D93B8476919E
Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит 26 February 2024 0 Анотақәа Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит. 26 February 2024 0 Анотақәа Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит. 26 February 2024 0 Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Инал Арӡынба астол гьыжь "Урыстәылеи Аԥсни: ашәарҭадареи аҿиареи" аҟны 2024 шықәса жәабран 22 рзы Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр Урыстәыла ахада иалхра аламҭалаз имҩаԥнагоит астол гьыжь "Урыстәылеи Аԥсни: ашәарҭадареи аҿиареи". Ауснагӡатә иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны АдәА рминистр Инал Арӡынба, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба. 26 February 2024 1 Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Инал Арӡынба аиԥылара мҩаԥигеит 2024 шықәса жәабран 22 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа римнистр Инал Арӡынба Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аилак аҿар рыҟәша аиҳабы Идрисом Кара - Осман-оӷлыи Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы адепартамент адиректор Ельза Ҳагԥҳаи дырԥылеит. 21 February 2024 20 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Заур Ӷәаџьаа аинрал Аугусто Николаса Кальдерона Сандино иԥсҭазаара далҵижьҭеи 90-шықәса аҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа аинрал Аугусто Николаса Кальдерона Сандино иԥсҭазаара далҵижьҭеи 90-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Даиси Торрес Боскес инаԥхьарала цәыббра 2024 шықәса жәабран 20 рзы. 21 February 2024 14 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Мухаммад Алии Гассан Шоуреи реиԥылара мҩаԥысит Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы. Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ иҟоу ачерқьестә гәыҳалалратә ассоциациа адиректорцәа Рхеилак ахантәаҩы Гассан Шоуреи реиԥылара мҩаԥысит Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы. 19 February 2024 18 Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Лаша Аҩӡбеи Алексеи Климови реиԥылара мҩаԥысит 2024 шықәса жәабран 19 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент адиректор Алексеи Климови реиԥылара м ҩаԥысит. 15 February 2024 33 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Заур Ӷәаџьаа ихы алаирхәит ацәыргақәҵа «Венесуела 20-тәи ашәышықәса иаҵанакуа аурыс ҟазара» аартра ацеремониа 2024 шықәса жәабран 15 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчнагӡа змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа ихы алаирхәит ацәыргақәҵа «Венесуела 20-тәи ашәышықәса иаҵанакуа аурыс ҟазара» аартра ацеремониа Венесуела иҟоу Урыстәла аҷыдалкаатә зинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров инаԥхьарала. 14 February 2024 41 Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Инал Арӡынбеи аекономика Иреиҳаӡоу ашкол астудентцәеи еиԥылеит 2024 шықәса жәабран 14 рзы НИУ ВШЕ аректор Никита Анисимов иҟаиҵаз анаԥхьарала Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дырԥылеит аекономика Иреиҳаӡоу ашкол астудентцәа, астуденттә ԥхьагылаҩцәа рыплатформа «ГосВышка» алахәылацәа.
http://mfaapsny.org/allnews/news/othernews/inal-ardzinba-otbyl-s-rabochey-poezdkoy-v-moskvu
2024-02-26T11:29:53Z
<urn:uuid:c65f920d-4268-4e23-aa67-f8ab2055d89f>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
1
0.97
24
6,429
tlsh:T18D3005D18A04DB5BDAB3C04489A28E349DC058A79320B631DEC5B5B0274214DDBBCD13E5F5AC168F349B0621DA83AF15AB0FFDE524BD7B93709600643E2F34EA279476D19F
https://sputnik-abkhazia.info/20210114/Arytsara-aarkhara-anyara-Zhiaa-raatsara-Azhyrnya-shymayrgaz-1031595437.html Аҽрыцқьара, аҵарԥхьара, аныҳәара: Ажьиаа рҭаацәара Ажьырныҳәа шымҩаԥыргаз Аҽрыцқьара, аҵарԥхьара, аныҳәара: Ажьиаа рҭаацәара Ажьырныҳәа шымҩаԥыргаз Џьырхәа ақыҭан Ажьиба Иури иҩнаҭаҿы сынтәа имҩаԥыргаз Ажьырныҳәа аҿырԥштәала ари аныҳәа аҽазыҟаҵареи анаҩс уи амҩаԥгашьеи ирыдҳәалоу акәамаҵамақәа ртәы... 14.01.2021, Sputnik Аҧсны 2021-01-14T16:00+0300 2021-01-14T16:00+0300 2021-01-14T18:58+0300 https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102924/01/1029240114_0:103:2001:1228_1920x0_80_0_0_900aead1eca0ef6fff46e7c42680edb2.jpg Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 2021 Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Ажәабжьқәа ab_AB Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 1920 1080 true 1920 1440 true https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102924/01/1029240114_112:0:1887:1331_1920x0_80_0_0_dc11e1a1a9a80edae5db312f959e4937.jpg 1920 1920 true Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Sputnik Аҧсны аԥсны, аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, жәлар рдоуҳа аԥсны, аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, жәлар рдоуҳа Аҽрыцқьара, аҵарԥхьара, аныҳәара: Ажьиаа рҭаацәара Ажьырныҳәа шымҩаԥыргаз 16:00 14.01.2021 (ирҿыцуп: 18:58 14.01.2021) © Sputnik / Томас ТхайцукПраздник Ажьырныхуа © Sputnik / Томас Тхайцук Анапаҵаҩра Џьырхәа ақыҭан Ажьиба Иури иҩнаҭаҿы сынтәа имҩаԥыргаз Ажьырныҳәа аҿырԥштәала ари аныҳәа аҽазыҟаҵареи анаҩс уи амҩаԥгашьеи ирыдҳәалоу акәамаҵамақәа ртәы ҳзеиҭалҳәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа. Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik Арҭ амшқәа рзы Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо аҧсуа ҭаацәарақәа Ажьырныҳәа мҩаԥыргоит. Традициала ишаԥу еиԥш, џьоукы аныҳәа анақәшәо амза 13 аухазы иныҳәо дыҟоуп, иҟоуп ажьира шәахьеи ԥшьашалеи иаҵагыло. Ҳара зыӡбахә ҳамоу Џьырхәа инхо Ажьиаа рҭаацәараҿы (Ажьиба Золотинск-иԥа Иури иҩнаҭа) аныҳәара мҩаԥыргоит иара анақәшәо аухазы иарбан мшызаалакгьы. "Азҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган": аԥсуаа Ажьырныҳәа шымҩаԥырго 12 Ажьырныҳәа, 10:00 Дара рыҩнаҭаҿы абиԥарала ахьи аихеи аус адызулоз ыҟан, урҭ иахьагьы Ажьиреи Ахьиреи ирымҵаныҳәоит, аҩбагьы рымоуп. Ахьира амаа зку аиашьа еиҳабы Анатоли Ажьиба иоуп. Иури иакәзар, хазы анхара даналага, иаҿигаз Ажьира заҵәык ауп, уи ауп дзымҵаныҳәогьы. Ажьырныҳәа ахаҭа амш ааиаанӡагьы уи аҽазыҟаҵарақәа далагоит. Аҽрыцқьара Адоуҳатә ҽрыцқьара изныкымкәа аӡбахә ҳҳәахьеит. Ажьырныҳәа аԥыларагьы адоуҳатә ҽрыцқьарала иалагоит. Аԥхьа игылоуп ҳәарада аныҳәаҩ ихаҿы – Ажьира, ма Ахьира амаа зкыу, аҭаацәа, ажәлантә зныҳәо. Аныҳәара мҩаԥызго аҩнаҭа ахаҵа аиҳабы Иури Ажьиба иоуп. Уи Ажьырныҳәа аламҭалаз ӡык наиқәиҭәоит, иҽирыцқьоит, иажәа раӡаны дцәажәоит, арыжәтә аҿы иҽникылоит. Иара ихаҭа иазгәеиҭоит абас: "Абри аныҳәара сагьналагоит, абас акы сакуашәа, сда еилыԥсаауа сааҟалоит, сагьналгоит – иаргьы насхыҵуеит. Ари Ҳаиҳа зымчу иҟынтә иаауа акоуп, дад, уи аныҳәара зегьы ирыхәҭам, иақәнагоу ҳәа иҟоуп", - иҳәоит Иури (Тыка) Ажьиба. "Афырхы анапахьы аагара": Ажьырныҳәа ашьаҭақәа рызхьаԥшреи иахьатәи уи аҵаки 13 Ажьырныҳәа 2020, 09:48 Уаҵәуха ныҳәаны еиԥш, иахьагьы рҽыдрыцқьоит, ӡык нарықәырҭәоит Ажьира иаҵагыло аҭаацәа зегьы. Ари аныҳәара иаԥхьанеиуа ихымԥадатәу ритуалуп. Аҵарԥхьара Ишдыру еиԥш, аныҳәа ихадароу ашьтәа – аџьма-шьтәа ауп (аханатә шьтәас иҟаз ауаса акәын ҳәа зҳәо аҵарауаа ыҟоуп) – Шьашәы Ахьаҳ Ду ихьӡала, аха иҟоуп ацә, ма аӷаац зшьуагьы. Убас, Жьиаа рҭаацәараҿы аныҳәа аухазы шьтәас иршьуа ацә ауп, иара убас арбаӷьқәа аҭаацәа алахәылацәа рыцыԥхьаӡа – Шьашәы-рбаӷь ҳәа ззырҳәо. Абарҭ изыхныҳәаран иҟоу ашьтәақәагьы аҽрыцқьара иахысуеит. © Foto / Предоставлено Эсмой ТодуаИзыхныҳәаран иҟоу арбаӷьқәа аныҳәа аламҭалаз иҵадырԥхьоит, аҽрыцқьара иахысуеит. Изыхныҳәаран иҟоу арбаӷьқәа аныҳәа аламҭалаз иҵадырԥхьоит, аҽрыцқьара иахысуеит. © Foto / Предоставлено Эсмой Тодуа Ажьырныҳәа ааигәахара хымш-ԥшьымш шагу зшьа карҭәаран иҟоу ашьтәа аҩны иҵадырԥхьоит. Аҵарԥхьара анаҳҳәо, уи иаанаго ашьтәа хазы иҭакны (аҩызцәа ирылаҵаны акәымкәа) ирбоит, акраҿарҵоит. Убасҵәҟьа иҵадырԥхьоит изыхныҳәараны иҟоу арбаӷьқәагьы. Убри алагьы изыхныҳәаран иҟоу ашьтәақәагьы аҽрыцқьара аетап иахысуеит уҳәар ауеит. Ашьтәа ианахныҳәо аламҭалазгьы аҿы ӡык нақәҭәаны ирыӡәӡәоит. "Уажәы абзара уҳарбоит, нас агәи-агәаҵәеи уҳарбоит" ҳәа ражәа иалаҵаны ирҳәоит, аныҳәа ашарԥазы ианныҳәо. © Foto / Предоставлено Эсмой ТодуаАшьтәа ианахныҳәо аламҭалазы аҿы ӡык нақәҭәаны ирыӡәӡәоит. Ашьтәа ианахныҳәо аламҭалазы аҿы ӡык нақәҭәаны ирыӡәӡәоит. © Foto / Предоставлено Эсмой Тодуа Аныҳәа ахаҭа Ажьира иаҵагыло зегьы еицны иара аҭыԥ ахь инеиуеит. Аныҳәаҩ ишахәҭоу еиԥш ала дрықәныҳәаны (аныҳәара аимпровизациатә ҟазшьа амоуп, зҽызымԥсахуа ажәақәа шалоугьы) ашьтәа ишьуеит. Нас аҷкәынцәа наицырхырааны ашьтәа ацәа ахырхуеит, ахәҭақәа еиҿыхны ачуан иҭаҵаны иржәуеит. © Foto / Предоставлено Эсмой ТодуаАшьтәа аныршьлак, ацәа ахыхны, еиҿыхны, ачуан иҭаҵаны иржәуеит. Ашьтәа аныршьлак, ацәа ахыхны, еиҿыхны, ачуан иҭаҵаны иржәуеит. © Foto / Предоставлено Эсмой Тодуа Убасҵәҟьа хазы арбаӷьқәагьы ҟарҵоит. Егьырҭ аҩнрақәа рҟынтәи аҩн ду ахь иаауа аҭаацәарақәа (Иури иҷкәынцәа, иҭацацәа, имаҭацәа) досу рмарҭхәқәагьы ааргоит: рыцыҧхьаӡа арбаӷьқәеи, ашылеи, аџьыкхыши, ацәеи. Аныҳәаҩ иара убас ирхиоит ацәашьқәа досу иааргаз рцәашьхәқәа рыла. © Foto / Предоставлено Эсмой ТодуаАныҳәаҩ ажьира иамҵаныҳәо иааргаз рцәашьхәқәа рыла рыцыԥхьаӡа ацәашьқәа ҟаиҵоит. Аныҳәаҩ ажьира иамҵаныҳәо иааргаз рцәашьхәқәа рыла рыцыԥхьаӡа ацәашьқәа ҟаиҵоит. © Foto / Предоставлено Эсмой Тодуа Изыхныҳәо зегьы анымазеихалак, ахәылԥаз, ажьира иаҵагыло зегьы еицны ажьирахь инеиуеит. Аныҳәаҩ аԥхьа ашьтәа агәи-агәаҵәеи зхоу ажьраҳаратә-ҵәы изнапык аҿы икны, егьи инапала ацәашьы кны дныҳәоит. Иара абраҟа ихдыртлоит аҭыԥ аҿы иҵоу аҳаԥшьа-ҩы, иара уи аҩы алагьы иныҳәоит. © Foto / Предоставлено Эсмой ТодуаАжьираҿы аныҳәараан Ажьираҿы аныҳәараан © Foto / Предоставлено Эсмой Тодуа Иазгәаҭатәуп аҭыԥ ахь ишаарго ашьтәа ацәагьы. Иара дзыхныҳәаз ашьтәа агәи-агәаҵәеи маҷк-маҷк намхны, аҩы нақәҭәаны, аџьыкхыш лақәырҳәҳәы "Ачбеи Чачбеи" ирызку аритуал мҩаԥигоит, нас егьырҭгьы агьама дирбоит. Ацәашьы наганы асаҟәа ашьапаҿы икыдиҵоит. © Foto / Предоставлено Эсмой ТодуаИанныҳәалак, ацәашьқәа асаҟәаҿы икыдырҵоит, ажьира змам адәахьы аҵлашьапаҿы, аҩны абарҵа ашьаҟаҿ, ма аҭӡамц аҿы иадыркуеит. Ианныҳәалак, ацәашьқәа асаҟәаҿы икыдырҵоит, ажьира змам адәахьы аҵлашьапаҿы, аҩны абарҵа ашьаҟаҿ, ма аҭӡамц аҿы иадыркуеит. © Foto / Предоставлено Эсмой Тодуа Анаҩс арбаӷьқәагьы ргәи-ргәаҵәеи араса-ҵәқәа инархаҵаны досу хаҭа-хаҭала изтәу ихьӡ наҳәаны дрықәныҳәоит, досу ицәашьгьы наихигоит, урҭгьы уаҟа ибылуеит. Изыхныҳәо арбаӷьқәагьы рыхқәеи ршьаԥқәеи еиламырҩашьакәа иара уа инаргоит. © Foto / Предоставлено Эсмой ТодуаАрбаӷьқәагьы ргәи-ргәаҵәеи араса-ҵәқәа инархаҵаны досу хаҭа-хаҭала изтәу ихьӡ наҳәаны дрықәныҳәоит аныҳәаҩ. Арбаӷьқәагьы ргәи-ргәаҵәеи араса-ҵәқәа инархаҵаны досу хаҭа-хаҭала изтәу ихьӡ наҳәаны дрықәныҳәоит аныҳәаҩ. © Foto / Предоставлено Эсмой Тодуа Аныҳәаҩ зегьы данрықәныҳәалак ашьҭахь, досу иарбаӷь агәи-агәаҵәеи агьама дирбоит. Уи ашьҭахь ажьира иаҵагылоу зегьы аҳаԥшьа-ҩы рызҭаҭәаны инадиркуеит, урҭгьы "Алԥха-агәыԥха" ҳамаз ҳәа рхы иақәныҳәоит. © Foto / Предоставлено Эсмой ТодуаЖьиаа рҭаацәараҿы ажьира иаҵагылоу изызҳауа аҿар. Жьиаа рҭаацәараҿы ажьира иаҵагылоу изызҳауа аҿар. © Foto / Предоставлено Эсмой Тодуа Ажьираҿы иныҳәаны ианалгалак, ркәац, рыкәтыжь рыманы аҩныҟа иааиуеит, аҳаԥшьаҩгьы заҟа рҭаху нҭыганы иааргоит. Аҩны ианыныҩнало, аҩнаҭа аҭацацәа (ари Ажьира иаҵагылам) рԥылоит "Алԥха-агәыԥха шәымазааит!" ҳәа иныҳәаныԥхьо. Наҟ-ааҟ еиқәгәырӷьо еибаныҳәоит. Аҩнаҭа аҭацацәа дара рыҩнраҿгьы ажьира рыманы иҟазар, хазы аҩны аган аҿы, ҵлак амҵан рарбаӷь рыманы инеины рхы иақәныҳәоит. Убас ҟалҵоит Иури иаҳәшьа Лиуда Ажьиба Уаҭҳара аҩнра ҳәа дахьыҟоу. Лара ҵлак ашьапаҿы днеины, ларбаӷь, лчашә, лцәашьы, лҩы наганы лныхахә ахьӡала дныҳәоит. Уи дахьыҟоу аҩны уажәы иныҳәо лыҷкәын аиҳабы шиакәу ала, "бныхахә алԥха бымазааит" ҳәа длықәныҳәоит. © Foto / Предоставлено Эсмой ТодуаИури Ажьиба иаҳәшьа Лиудмила Ажьиԥҳа Уаҭҳара аҩнра ҳәа дахьыҟоу ҵлак ашьапаҿы днеины, ларбаӷь, лчашә, лцәашьы, лҩы наганы лныхахә ахьӡала дныҳәоит. Иури Ажьиба иаҳәшьа Лиудмила Ажьиԥҳа Уаҭҳара аҩнра ҳәа дахьыҟоу ҵлак ашьапаҿы днеины, ларбаӷь, лчашә, лцәашьы, лҩы наганы лныхахә ахьӡала дныҳәоит. © Foto / Предоставлено Эсмой Тодуа Абарҭ ақьабзқәа рышьҭахь зегьы аишәачарахь иниасуеит. Араҟа ихымԥадатәуп иара убас, изыхныҳәаз ашьтәеи арбаӷьқәеи рыбаҩқәа еизганы акы иахьамҟьашьыша ҭыԥк аҿы ижны анышә аҭара. Ари аныҳәара аухашаанӡагьы агәылацәа еиҭанеиааиуеит, еибаныҳәоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20210114/Arytsara-aarkhara-anyara-Zhiaa-raatsara-Azhyrnya-shymayrgaz-1031595437.html
2024-02-21T19:13:09Z
<urn:uuid:e5d7678d-9c6c-4b8d-91fa-03790b112150>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.88
0.67
0.92
69
15,194
tlsh:T1EBE09C627B40DB4FC9B3C959DBE2093328D1194382A67760DFCAF9752A410A8FFFCD13EEF6A8055A64DB2415C192EB11E90FEDEA167D7BE3708210646C3F34DC1A693585AE
Апарламенттә Еилакы амш азҵаара аҳәаа иҭагӡаны Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу имаҵурахьы акандидатурақәа ирыхәаԥшит Иахьа Апарламент аҟны Дауҭ Хәытаба ихантәаҩрала имҩаԥысит аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак инарҭбаау аилатәара. Аилатәара иалагаанӡа аилатәара иалахәыз минуҭктәи аҿымҭрала 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны марттәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит. Аилатәара иалахәын Апарламент адепутатцәа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны Аԥсны Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа, АА Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу Асида Шакрыл. «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу изы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны адепутатцәа ахәаԥшит Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу имаҵурахьы Гәында Џьениа, Анас Қьишьмариа, Диана Кереселиан ркандидатурақәа. Аилак имҩаԥнагаз ахцәажәарақәа реихшьалақәа рыла азыӡба рыдыркылеит ари азҵаара ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Апарламент асессиа аилатәараҟны ахәаԥшразы ацәыргаразы. Амш азҵаара инақәыршәаны иахәаԥшит «Аӡбаратә нагӡаҩцәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект. Ари аԥсахра иаҳәоит аӡбаратә нагӡаҩцәа анагӡаратә усқәа рымҩаԥгараани мчыла анагӡаратә уснагӡатәқәа рхархәараани АА Аиустициа аминистрнра ишьақәнаргыло аԥҟарақәа рыла иҷыдоу афотовидеошьақәыргылара мыругақәа рхархәара ҟалароуп ҳәа Азакәанапроект авторцәа иалагалахараны иазгәаҭоу ахарҭәаара анагӡаратә усқәа рымҩаԥгара апроцесс аан абарҭ ахықәкқәа рынагӡара иазкуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, ҷыдала: ацәгьоурақәеи азинеилагарақәеи рзы агәҽанҵареи рԥырҟәҟәаареи; аӡбаратә анагӡаҩ хаҭалатәи ишәарҭадара алыршара; аӡбаратә нагӡаҩы ихымҩаԥгашьа азакәантәра ашьақәырӷәӷәара. Аилацәажәара ашьҭахь Аилак алахәцәа азыӡба рыдыркылеит Апарламент иадыргаларц асессиа изаамҭанытәиу аилатәараҟны актәи аԥхьараан ари азакәанапроект адкылара. Аилак аҟны иара убас ҳазҭоу ашықәс жәабранмза 23 рзы актәи аԥхьараан ирыдыркылаз «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак амҩатә ныҟәарақәа рыҟны административтә зинеилагарақәа рыҟаҵаразы аҭакԥхықәра арӷәӷәара ахәҭаҟны аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект аус адулара иацҵоуп.
https://parlamentra.org/ab/novosti/3994.html
2024-02-24T12:59:34Z
<urn:uuid:4ec07e22-dd31-43a2-ace1-f634a78dcc2f>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
10
4,013
tlsh:T17B8F88810580CBCBD6F3C0549A828D319CC1680352227770CEC9F4B0161605DEBFCD22EABAE8154A60AB1525D1627F05AA1AEDEA647D7FE7708211E5692F38D93B5176D2EF
Азинтә Усбарҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат Хада иатәу структуратә хырхарҭоуп. Ари аусбарҭа ауснагӡараан изықәныҟәо акәны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә закәанҧҵареи, аҳәынҭқарра амчра зныҧшуа егьырҭ анорматив-зинтә актқәеи, ашәахтәқәареи, афинансттә-нхамҩеи, аусҧҟақәеи, аинструкциақәеи адҵаҧҟақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалоу. Азинтә Усбарҭа имҩаҧнагоит анаҩстәи ауснагӡатә хадақәа: – Апроектқәе, актқәеи, адҵаҧҵәақәеи, аметодикатә рбагақәеи, аинструкциақәеи, ациркулиартә шәҟәеи, иара убас егьырҭ ашәҟәқәагьы, Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵара иахьынӡақәшәо, иахьынӡанаало гәанаҭоит, есааирагьы хылаҧшра азнауеит; – ААР амчала еиқәыршәоу азакәан апроектқәа, анормативтә актқәа, егьырҭ ашәҟәқәагьы, азинтә експертиза рызнауеит, иара убасгьы азинтә експертиза рызнауеит ААР ашҟа ақәшаҳаҭразы ақьаадтә нашьҭыиҭақәа; – Хылаҧшра азнауеит ААР аинспекциақәа рҿы азинтә усура ахаҭабзиара ахьынӡаҳараку, иара убасгьы уи аусура анагӡашьа; – ашәахқәҵаратә усбарҭақәа рҿы азинтә усура апрактика аланагалоит, уи арҽеиразгьы ажәалагалақәа алнаршоит.
https://mns-ra.org/eng/central/legal_department/
2024-03-03T07:02:57Z
<urn:uuid:6f3b73a3-4dfb-40f8-afcc-f7174ca0b1d7>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
7
1,985
tlsh:T16BBF2141F741D75BC5B3C088CA829A264CC1940B4333FA30CEC8F5B01A8004DEBBCD02EEFABA49C6A8770605C576BF64655ADDE574BDAFE3B04640906D7E78DC26A4B9D6DD
"Шәара шәус ҭакҧхықәра ду зцу, иҧшьоу усуп, избанзар шәнапы иануп ауаҩы имоу зегьы реиҳа хәы змоу - игәабзиара ахьчара. Шәара есҽнытәи шәџьа, имариам аҭагылазаашьақәа рыҟны хамеигӡарада имҩаҧыжәго шәусура ахәшьара ҳаракӡа иаҧсоуп. Ҳара ҳҳәынҭқарра зҿлымҳра ду анаҭоит агәабзиарахьчара арҿиара аус. Агәра ганы сыҟоуп, шәара шәыцхыраарала иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбара шҳалшо, аҳақьымцәа русуразы аҭагылазаашьа бзиақәа аҧҵаны, ҳтәылаууаа зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә цхыраара рыҭара шҳалшо". Акыр иаҧсоу аҩызцәа, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа дуқәа шәнапы злаку аус аҟны. Рауль Ҳаџьымба Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2331/
2024-02-29T07:26:32Z
<urn:uuid:c801660e-6928-4493-9284-2d5205da2738>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.81
0.83
0.94
12
1,944
tlsh:T123A00F415980C38BE6B3C0AACB825F3978D4684547633AA4CE8EB0B54282099BFFCC12D6EBE51417B1E71461D2727A246909ADE9687E96D3708241716C3F7DCC27A976C16E
Ианвар 28 рзы Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ имҩаҧысит Ҭенгиз Џьопуа исценариала иҭыху зметраж кьаҿу афильм «Агәаартра» апремиера. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи 30 шықәса аҵра инамаданы иҭыхын афильм. Уи азкуп аибашьраҿы аби ани 15 шықәса зхыҵуа рыҷкәынзаҵә, абџьар шьҭыхны еибашьра заб иццаз иҭахара. Астатиақәа Ахацыркҩы илшамҭақәа шьардоуп Ажьырныҳәа 31, 2024 2023 ш. ноиабр 24 рзы Аҧсны Ахада инапы зҵаиҩыз Адҵа инақәыршәаны Аҳәынҭқарратә комиссиа аҧҵоуп Аҧсны жәлар рпоет Д.И. Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵреи агазеҭ «Аҧсны» аҧҵоижьҭеи 105 ш. аҵреи ирызкны аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа реиҿкааразы. Иалкаауп ахырхарҭа хадақәа Ажьырныҳәа 31, 2024 Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа инеиҵыхыз аилацәажәара мҩаԥигеит Аиҳабыра иалоу, араионқәа рхадарақәа реиҳабацәа, Жәлар Реизара адепутатцәа, алархәны – иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. Аиԥылара аартуа, атәыла Ахада иаликааит 2024 шықәсазы амчра амахәҭақәа зегьы русура ахырхарҭа хадақәа. Урҭ еиқәышәшәа русура иахьыԥшуп Аԥсны атәылауаа рыԥсҭазаара аҩаӡара ахаҭабзиара. Астатиақәа Адныҳәалара Ажьырныҳәа 30, 2024 Аԥсны Аҳәынҭқарра аамҭала акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр Аԥсны жәлар рартист Сергеи Семион-иԥа Габниа ииубилеи идылныҳәалеит: Астатиақәа Иахьазы – ҩ-еилахәырак… Ажьырныҳәа 30, 2024 2023 шықәса декабр 16 азы Урыстәыла Аиҳабыра ақәҵара ҭрыжьит. Уи инақәыршәаны аилахәыра «Роснефт» заҵәык азин аҭан Аԥсныҟа анефт аалыҵқәа раашьҭра. Февраль азынӡа цәынха-мынхақәак абылтәы змоу «Подорожники» «Роснефт-Аԥсни» аалхны, Аԥсны абылтәыҭаҭәарҭақәа рҟны абылтәы аҭира аанкылоуп ианвар 1 инаркны, – арадио Спутник иеиҭаз аинтервиу аҟны абас иҳәеит Аԥсны Абылтәы ассоциациа апрезидент Артур Ашәба. Уи иажәақәа рыла, Аԥснытәи аилахәырақәа рбылтәыҭаҭәарҭақәа рҟны аҭагылазаашьа лахьеиқәҵагоуп, избанзар иҟаз амаҷ-саҷ нҵәеит, аҿыцқәа раагара залыршахаӡом Урыстәыла Аиҳабыра иҟарҵаз ақәҵарала. Астатиақәа Аиҭашьақәыргылаҩцәа аусура иалагеит Ажьырныҳәа 30, 2024 Ацәыргақәҵарҭатә зал хада ахыбраҿы абылра иацәынхаз аҭыхымҭақәа еилдыргоит Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистр Ольга Лиубимова лнапынҵала Урыстәылантәи иааз аиҭашьақәыргылаҩцәа ргәыԥ. Аделегациа напхгара алҭоит Урыстәыла акультура Аминистрра амузеиқәеи адәныҟатәи аимадарақәеи Рдепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Наталиа Чечель. Астатиақәа Гәдоуҭа араион Ахада ҿыц Ажьырныҳәа 30, 2024 Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭа араион актив дыдирдырит араион Ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс иҟаҵоу Рауль Лолуа. Аибардырра рхы аладырхәт Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иусбарҭа Аиҳабы Абесалом Кәарҷиа. Астатиақәа Абылреи абылтәи рыкәша-мыкәша Ажьырныҳәа 30, 2024 Аԥсны Ахада Аслан ­Бжьа­ниа ианвар 22 азы аилацәажәара мҩаԥигеит Аиҳабыра иалоуи азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи алархәны. Амш аусхәаԥштә аҟны иқәгылан Аҟәа, Ацәыргақәҵарҭатә зал хада ахыбраҿы ааигәа иҟалаз амцакра инамаданы хра злаз азҵаарақәа, иара убас абылтәи аенергетикеи рганахьала аҳәынҭқарраҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа. Астатиақәа Амҟәыба еснагь аӡы аанагаӡом Ажьырныҳәа 26, 2024 «Амҵәышә аҵа амца акны ибылуан, ахәҵәы амахә иахьаҿарҧаз азхара изыччомызт, иаздырӡомызт амца қьоуқьад иара аҟынӡагьы ишнеиуаз рҳәеит». Ари аҧсуа жәаҧҟа лассы-лассы исгәалашәалоит. Избанзар, иара даара ибзианы иаанарҧшуеит ҳҟазшьа. Ҳашџьеибашьоз, ҳшеизымӡырыҩуаз, иахьа иачҳап, нас уаҵәы иҟаҳҵап ҳәа иахыго ишааҳгоз амилаҭтә мазарақәа иреиуаз, амилаҭтә ҟазаратә доуҳа нықәыццышәаа ицеит.
https://gazeta-apsny.info/itemlist/user/806-aslan?start=70
2024-02-24T16:44:11Z
<urn:uuid:ef598b05-c4dc-4ff4-8c2d-1c00450c317e>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
38
6,258
tlsh:T12519DCD16840CB4BC6B3D4498F814D355CD15C4342627330CEC9F4B5168608DEFFCD13AAFAE8164E68EB1222D166AB11A90EFCF9547EABD7709210A56D2F38DE3BA036D69E
Аиҳабыра радминистрациантә ишаарыцҳаз, Саломе Зурабишвили Франциахь авизит иадҳәаланы аиҳабыра дадымҵаалаӡацт - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Аиҳабыра радминистрациантә ишаарыцҳаз, Саломе Зурабишвили Франциахь авизит иадҳәаланы аиҳа... Иҵегь аҭагалара Аиҳабыра радминистрациантә ишаарыцҳаз, Саломе Зурабишвили Франциахь авизит иадҳәаланы аиҳабыра дадымҵаалаӡацт 11:39, 09.11.2023 Аиҳабыра радминистрациантә ишаарыцҳаз, Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Франциахь авизит иадҳәаланы аиҳабыра дадымҵаалаӡацт. Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Орбелианиаа рханаҿ иацы данықәгылоз ишазгәалҭаз, уаҵәы лара Парижҟа ддәықәлоит, уаҟа имҩаҧысуа Аҭынчра афорум аҧыза-министргьы ихы алаирхәоит. Зурабишвили лҳәамҭала, „иаҳҭаху иаҳҭахыму, адеполиаризациа аганахьала ҳҿырҧшыгахоит“. АПОЛИТИКА Сaломе Зурaбишвили 6 Еиҧшу Ахада ладминистрациа аинформациала, Саломе Зурабишвили визитла Британиа Д ашҟа ддәықәлеит Саломе Зурабишвили - Ҩышықәса ҵит, аха Урыстәыла аиаара агара алымшеит, украинатәи жәлар реихшара алымшеит Ахада ладминистрациа - Саломе Зурабишвили Еврокомиссиа ахада акандидат статус анашьара аус аҿы адгыларазы иҭабуп ҳәа лалҳәеит Миунхен иҟоу Володимир Зеленскии Саломе Зурабишвилии аԥсшәа еибырҳәеит Ахада ладиминистрациа аинформациала, Саломе Зурабишвили Миунхентәи аконференциахь ддәықәлеит Саломе Зурабишвили аԥыза-министр иҭыԥ аҿы Иракли Кобахиӡе ишьақәырӷәӷәара иазку ақәҵара лнапы аҵалҩит Саломе Зурабишвили - Аԥаҳҵап ахартиа "Акзааратә платформа Европазы" Иракли Кобахиӡе - Аиҳабыра ашьақәырӷәӷәара ахада лнапы аҵалҩо аҵалымҩо ихадам, аконституциаҿ иаарԥшуп аконституциа елазго ахада лыҿагыларазы агарантиақәа Саломе Зурабишвили - Аоппозициаа рахь ааԥхьара ҟасҵоит, аибафара шәаҟәыҵ, ауаажәлар анигилизми агәыӷрадареи рызцәырҵуеит Саломе Зурабишвили - Аԥыза-министр ҿыц иахь ааԥхьара ҟасҵоит, апарламент ахь Гаврилов инашьҭра, Шарль Мишель идокумент аԥыхра, антиевропатәи риторика шәыхьӡ иадҳәалоуп, ауаажәлар европатәи рыдҵа анагӡара ишԥашәылшои Амш зеиҧшрахо 2° амҽ Қaрҭ ашә 3° аҩ 4° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Санкт-Петербург ҩнык адрон ақәҳаит Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ашәышықәсарацәалатә культуреи амилаҭтә принципқәеи змоу аконсервативтә жәлар ҳауп, уи ииашаны еилкаатәуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/aihabmra-radministratciant-ishaarmtchaz-salome-zwrabishvili-frantciax%D1%8C-avizit-iadhalanm-aihabmra-dadmmcaaladzatct/
2024-03-03T00:21:31Z
<urn:uuid:e3ffe1c5-f88c-4fd6-86fa-a6a34837e09b>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.89
0.62
0.95
45
5,170
tlsh:T16537ECB13884CF07C977D159CBA245357DC2AE5B8730B220CEC9F8B1264259DEFBCC13A8FEA85E0AA09F1451D022AF111605BCE7117D7FCB616601A16D2F34EA2798B2869D
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла Орловтәи аобласт агәубернатор, Урыстәыла Орловтәи аобласт аиҳабыра рхантәаҩы Вадим Потомскии уи напхгара ззиуаз аделегациеи дырҧылеит. Аиҧылара аартуа, Рауль Ҳаџьымба ҷыдала иазгәеиҭеит Аҧсни Орловтәи аобласти ирыбжьоу акыраммҭатәи аимадарақәа ртәы: "Иеиҳаракгьы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь Орловтәи аобласт анапхгара иҟанаҵаз рацәоуп Аҧсны ацхыраара аҭаразы. Иахьа Урыстәыла асубиектқәеи ҳареи гәацҧыҳәарала аизыҟазаашьақәа ҳабжьаҳҵоит. Арҭ аимадарақәа Урыстәылеи ҳареи ҳабжьара астратегиатә усеицура ахьымҩаҧысуа аиҩызаратә ҳәынҭқаррак аҳасабала ҳшахәаҧшуа атәы рҳәоит". Ахада иҳәеит Аҧсни Урыстәыла Орловтәи аобласти реизыҟазаашьа аҧхьаҟа иҵегьы ишыҭбаахо, русеицура аҿиара шаиууа ала агәра шиго. Вадим Потомски Аҧсны Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз асасдкыларазы, иара убас иҳәеит Аҧсны иибаз азы иоуз агәаанагара атәы: "Ара ҳара аиашазы, алшарақәа маҷымкәа ишыҟоу аабоит. Ҳара ҳганахьала, Орловтәи аобласти Аҧсни реизыҟазаашьа ашьақәыргыларазы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит – ҷыдала, аекономика инадҳәаланы, избан акәзар уи шәаргьы ҳаргьы иаҳҭахуп, иаҳзыфеидоуп». Аусеицура аформақәа хаҭала дырзааҭгыланы Орловтәи аобласт агәубернатор иазгәеиҭеит: «Рауль Џьумка-иҧа, Урыстәыла Ахада Владимир Путини шәареи шәеиҧылара анаҩс Урыстәыла арегионқәа рахьтә раҧхьа иааз ҳара ҳоуп. Ҳара ишәыдаагало ажәалагалақәа рыҟны шәара шәекономикатә ҭагылазаашьа ҳасаб азаҳуит. Ҳара иҳамоуп шәара шәџьырмыкьа иагу, иаҭаху, сгәыҕуеит иахьа иақәнагоу аҧкаанҵа ҳнапы аҵаҳаҩуеит ҳәа, абри нахыс Аҧсны аҭиирҭақәа рыҟны ҳара ҳафатә аалыҵқәа цәырҵып ҳәа». Рауль Џьумка-иҧа иҳәеит иеицаҳзеиҧшу аекономикатә проектқәеи егьырҭ аусеицура ахырхарҭақәагьы рынагӡара алыршахоит ҳәа агәаанагара шимоу. Урҭ Аҧсни Урыстәыла Орловтәи аобласти рхадарақәа рнапы зҵарыҩраны иҟоу “Аҧсни Урыстәылатәи Афедерациа Орловтәи аобласти рделегациақәа русуратә еиҿцәажәара Аҧкаанҵа ианыҧшуеит". * * * Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла Орловтәи аобласт агәубернатор, Урыстәыла Орловтәи аобласт аиҳабыра рхантәаҩы Вадим Потомскии реиҧылара алахәылаҩцәа: 1. АМҚӘАБ Артур Артиом-иҧа – Аҧсны аҧыза-министр; 2. АӠЫНБА Шамиль Омар-иҧа - Аҧсны аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ; 3. ГРИГОРИЕВ Семион Виачеслав-иҧа – Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ; 4. БАБКИН Михаил Михал-иҧа - Орловтәи аобласт агәубернатор Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыҧуаҩ аекономикеи афинансқәеирзы; 5. ОЗДОЕВ Бекхан Ибрагим -иҧа - Орловтәи аобласт агәубернатор Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыҧуаҩ - Урыстәылатәи Афедерациаҟны - Орловтәи аобласт Ахаҭарнакра анапхгаҩы; 6. АГАБАБОВ Алеқсандр Рафаел-иҧа - Орловтәи аобласт агәубернатор Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыҧуаҩ ицхырааҩ – Агәубернатор Иаппарат анапхгаҩы. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2217/
2024-02-29T08:05:21Z
<urn:uuid:798c2bfc-cae4-4684-9a18-bc57848060f3>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.91
0.86
0.98
21
5,866
tlsh:T1A9A528C17E408B07C9B3C059CB914B30BCA15C4683667655DECAB4B12292159EBFCD13B6BAE8098AB4DB1522D221FF116619FCEB297EBAC3211700A12D3F78EE339935C59F
Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12 томкны. 6 атом. Актәи ашәҟәы. Абхазское народное творчество. В 12 томах. Абхазские сказки. 6 том. Первая книга. Сухум, 2011 Главная » Алфавитный каталог авторов » А » Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12 томкны. 6 атом. Актәи ашәҟәы Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа / Абхазское народное творчество 12 томкны / В 12 томах 6 АТОМ / ТОМ 6 АКТӘИ АШӘҞӘЫ / КНИГА ПЕРВАЯ Аҟәа - Аԥсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә фонд - 2011 - 456 д. Атираж 1000. Иеиқәиршәеит, акьыԥхь иазирхиеит, азгәаҭақәа иҩит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоқтор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент С. Л. Зыхәба. Ари ашәҟәы иеиднакылеит аԥсуа нашанатә лакәқа рыхәҭак. Ара иҟоуп уаанӡа аизгақәа ирнылахьаз реиԥш, иахьа уажъраанӡа акьыԥхь зымбақәацызгьы маҷымкәа. Алакәқәа рӷьырак иеиуеиԥшым аамҭақәа рзы аиқәыршәаҩ ихаҭа абаҩхатәра змоу алакәҳәацәа рҟынтә ианиҵақәаз роуп. Ашәҟәы рызкуп аԥсуаа рҿаԥыц ԥҵамҭақәа ҭызҵаауа аҵарауаа, ҳажәлар ртрадициатә доуҳатә культура гәцаразкуа зегьы. © Зыхәба С.Л., 2011. © Аԥсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә фонд, 2011. АБХАЗСКИЕ СКАЗКИ На абхазском языке Составитель: Сергей Ладович Зухба Скачать книгу "Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12 томкны. 6 атом. Актәи ашәҟәы" в формате PDF (1,37 Мб) Некоммерческое распространение материалов приветствуется; при перепечатке и цитировании текстов указывайте, пожалуйста, источник:
http://apsnyteka.org/1429-abkhazskoe_narodnoe_tvorchestvo_v_12_tomakh_abkhazskie_skazki_6_tom_kniga_1.html
2024-02-23T21:03:53Z
<urn:uuid:9b274670-7995-4dda-b945-e59228df20e0>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.52
0.67
0.99
9
2,418
tlsh:T12E54F241CB00974FC2B3E04EAA008D288CE269034732B67A9EE0F461168505DDFBCC13A6E998558A60EB1665E0569B115A4FFCFD18BC6FCB22C310D02E6E70EA275C7BD7DE
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Ҵабал ахысырҭаҟны ахыркәшаратә адҵаҟаҵара-штабтә мобилизациатә зыҟаҵарақәа дырҭааит. Азыҟаҵарақәа ирылахәын 6-тәи 7-тәи ахысратә бригадақәеи лассы ақәҿыҭразы архәҭақәеи рыҟнытә аррамаҵзурауаа. Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рыштаб хада аиҳабы, аинрал-леитенант Владимир Савченко Аԥсны Ахада адырра ииҭеит адҵаҟаҵара-штабтә мобилизациатә зыҟаҵарақәа раан имҩаԥырго аиҭахара хықәкыс иамаз азы. Амобилизациатә зыҟаҵарақәа ирылархәын арратә авиациа (аибашьыга ҳаирпланқәеи авертолиотқәеи), апилот дызмам аԥырратә аппаратқәа, акәылӡтанктә архәҭақәа, ареактивтәи агәыцәтәи артиллериа, аминаршәгақәа. Азыҟаҵарақәа раан имҩаԥган вертолиотла аҳаиртә десант артәара, ажәыларатә гәыԥқәа ржәыларақәа. Аҳәынҭқарра Ахада ибзиоуп ҳәа азиҳәеит имҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәа: "Адҵаҟаҵаҩцәа иқәдыргылаз адҵақәа қәҿиарала инагӡан, адҵаҟаҵара-штабтә зыҟаҵарақәа еиҿкааны имҩаԥысит», - иҳәеит А.Бжания. Азыҟаҵарақәа реихшьалақәа рыла иалкаахаз арезервистцәа аҳаҭыртә бӷьыцқәа рыҭан. Аусмҩаԥгатә иара убас иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Апарламент Аилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа, Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Ахада иабжьгаҩ Рауль Лолуа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16044/
2024-02-21T15:03:00Z
<urn:uuid:ed2ac224-9084-4589-9a9f-2b9eb2bb13ea>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.89
0.89
0.97
18
3,334
tlsh:T1975F03616C40DB4BC673D4A98A819D34ADC1AC420276B671CEC5F5B1568205CDBFCD13EEBBE415CEA4E70522D1527F205909FDEE68BEAEE3704601A12D2F34ED33A476D29E
Шьалуа Папуашвили – Америкеи ҳареи ҳстратегиатә партниорра аекономикеи, ауаа рыбжьара аимадареи, авизада анеиааиреи, ишиашо авиареисқәеи, аинвестициақәеи ирныҧшроуп Михаил Сарџьвелаӡе - Саакашвили азыӡба ихигоит, аӡәгьы азин имам ақырҭуа аӡбарҭа аҳаҭыр аларҟәразы Шьалуа Папуашвили – Қырҭтәыла Албаниеи, Молдовеи, Украинеи ҿырҧштәыс азаагара Аҟаза дуи раҧхьатәи ицнагаҩи реиҿарҧшра иаҩызоуп
https://1tv.ge/lang/ab/hara-ihazknm/
2024-02-29T14:46:00Z
<urn:uuid:5f12f7ae-dbf8-4722-a2f6-ba7057b424b8>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
3
730
tlsh:T1C127AC014709C617D433CE88DB92D6323C42750683929320CDD1F8B1054708DEFBCC036AFDE80A4E609F2622C422BF202E497CE2EABE7EE6716300E14DAE36D6129479869D
Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ААхыҵ Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит. 21.02.2021 394 Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дырмит Гәлиа ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа далахәын Жәабран 21 рзы, аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа имшира аҽны имҩаԥган аминистррақәа, аусбарҭақәа, аинтеллигенциа, ауааԥсыра рхаҭарнакцәа злахәыз ауснагӡатә. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Дырмит Гәлиа ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа иҽалаирхәит. 15.02.2021 577 Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Даур Ақаҩбеи Дмитри Медоевы аиԥылара рыман Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Ахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоевы реиԥылара. 10.02.2021 478 Аԥсны ААР аминистр Даур Ақаҩба урыстәылатәи иколлегацәа Адипломат Имш рыдиныҳәалеит Жәабран 10 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҿы иазгәаҭан Адипломат Имш. Ауснагӡатә иалахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи аминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи. 10.02.2021 388 Анотақәа Даур Ақаҩба Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит. 10.02.2021 471 Анотақәа Даур Ақаҩба Витали Игнатьев адныҳәалара изынаишьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Приднестровие Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Витали Игнатьев адныҳәалара изынаишьҭит. 09.02.2021 431 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Заур Ӷәаџьаа Венесуела аккредитациа зызуу адипмиссиақәа рхадацәа рвидеоконференциа далахәын Жәабран 9 2021 шықәсазы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела аккредитациа зызуу адипмиссиақәа рхадацәа рвидеоконференциа далахәын, днаԥхьан адипломатиатә корпус адекан, Римтәи апапа инунциа, Иԥшьаӡара Альдо Гиордано инаԥхьарала. 05.02.2021 344 Анотақәа Даур Ақаҩба Игор Ахба имшира идиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчра нагӡа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба имшира идиныҳәалеит. 31.01.2021 444 Анотақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр адныҳәалара ҟаиҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Ареспублика Науру ахада, адәныҟатәи аусқәа рминистр Лаинела Роуен Еингимеа адныҳәаларатә нота азынаишьҭит, Ахьыԥшымра амш инадҳәаланы. 28.01.2021 605 Даур Ақаҩба дидикылеит Џьавад Рахман Шехриа Ажьырныҳәа 28 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба дидикылеит Пакистан аусуратә еимадара ашьақәыргылара ацхырааразы ассоциациа «BACP” ахада, МОО "Землячество Пакистанцев в России" ахада, аиҿкаара "Деловои совет по сотрудничеству с Пакистаном" ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Џьавад Рахман Шехриа. 26.01.2021 851 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Кавказ ахҭысқәа рзы ЕСПЧ аӡбамҭа ахҳәаа ЕСПЧ Апалата Ду, ажьырныҳәа 21 азы иакьыԥхьит Аахыҵ Уаԥстәыла 2008 шықәса рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа рзы аҳәынҭқаррабжьаратә зашшра «Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагылот(II)» аганахь ала ақәҵара. 22.01.2021 603 Аԥсны Аҳәынҭқарреи Молдавиатәи Приднестровиатәи Ареспубликеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩра 28-шықәса ахыҵра Апресс-релиз Ажьырныҳәа 22 1993 шықәса рзы анапы аҵаҩын Аԥсны Аҳәынҭқарреи Молдавиатәи Приднестровиатәи Ареспубликеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра. Ари адокумент уасхырс иаиуит аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьа шьахә, ахы акит атәылақәа рыбжьара аусеицура арҿиара. 20.01.2021 490 Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика ААР аҿы аиԥылара мҩаԥысит Ажьырныҳәа 20 рзы Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр я Витали Игнатьев дидикылеит Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакс иҟоу Александр Ватаман. 18.01.2021 392 Анотақәа Даур Ақаҩба Гарри Кәыпалба дидныҳәалеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны иҟоу Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика Ахаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалба идиныҳәалеит Аԥсны иҟоу Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика Ахаҭарнакра шьаҭаркуижьҭеи 14-шықәса аҵра. 12.01.2021 646 Анотақәа Сергеи Лавров Даур Ақаҩба иаарласны COVID -19 ихигарц изеиӷьеишьеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ателеграмма изааишьҭит COVID-19 здырбалаз иколлега – Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба. 30.12.2020 570 Анотақәа Даур Ақаҩбеи Сергеи Лаврови адныҳәаларақәа еимырдеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови адныҳәаларақәа еимырдеит Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи рыламҭалаз. 28.12.2020 684 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа 2021 шықәса рзы Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистра аԥырҩы дызҭам аибашьыгеи аԥшыхәратәи хархәагақәа раахәара шазыԥхьагәанаҭо атәы иҳәеит арратә усбарҭа ахада Гарибашвили. Иара убасгьы иҳәеит Қырҭтәыла аҳауаҽацәыхьчаратә система арҿыцразы Израили дареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы шаҵаҩу. 23.12.2020 601 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа Аинышәареи аграждантә еиҟарареи рызҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аминистр Теиа Ахвледиани ажәадгала ҟалҵеит «азеиԥш интересқәа азхьаԥшра рыҭаны аусеицуреи иформалым адиалоги рыплатформа ырҭбаазарц аԥсуеи, ауаԥси, ақырҭуеит уаԥшьқәа рыбжьара». Лара лажәақәа рыла Қырҭтәыла адиалог иацәхьамҵыц иуадаҩу коронавирустә пандемиа аамҭазы. Лара лгәаанагарала ари апроцесс иацҵахоит, еиҳагьы аҽарҭбаауеит. 16.12.2020 836 Женеватәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи рраунд алахәылацәа рыпресс-конференциа мҩаԥысит 2020 шықәса ԥхынҷкәын 10-11 рзы Женева имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи рраунд. Иара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла ареспублика, Қырҭтәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәа, ООН, ОБСЕ, ЕС рыцхантәаҩцәа. Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба. 16.12.2020 720 Даур Ақаҩба амедал «Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика 30 шықәса ахыҵуеит» ианашьоуп Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика ахада Вадим Красносельски 2020 шықәса ԥхынҷкәын 10 рзы инапы зҵеиҩыз аусдҵа инақәыршәаны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба амедал «Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика 30 шықәса ахыҵуеит» ианашьоуп активла Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика ашьақәгылареи, ахьчареи, арӷәӷәареи дахьрылахәу азы.
http://mfaapsny.org/allnews/?PAGEN_1=27
2024-02-22T11:56:52Z
<urn:uuid:beb64b2a-35c8-49ee-914b-ae40d4795b26>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
0.86
0.99
50
11,888
tlsh:T127F5FC326A48DA5FC673D0989AA198319AC0695B8270B231CED1F5A02B5214CEBFCD13E5F6AC198B74DB1652E692AF009B0FFDE6247D7FC7709701A06E1E38E9378471C6DE
Аҧсны Аҳәынҭқрра апрезидент – Аҳәынҭқарра Ахадас дыҟоуп. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада аҩныҵҟатәи, адәныҟатәи аполитикақәа рхырхарҭа хадақәа шьақәиргылоит, Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа напхгара рзиуеит. Аҳәынҭқрра Ахада Аҧсны атәылауаа далырхуеит 5 шықәса ҿҳәарас иҭаны. Азакәанҧҵаратә мчра Аконституциаҟны ишьақәырӷәӷәоу азакәанҧҵаратә зинмчқәа зегьы нанагӡоит Аҧсны Жәлар реизара – Апарламент. Жәлар реизара шьақәгылоуп 35-ҩык адепутатцәа рыла. Апарламент ахь алхрақәа мҩаҧысуеит зегьы еицырзеиҧшу алхратә зин шьаҭас иҟаҵаны. Анагӡаратә мчра Аҧсны Аҳәынҭқарра Анагӡаратә мчра Аҳәынҭқарра Ахада инапаҵаҟа иҟоуп. Аҧсны аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа анагӡаратә усура шымҩаҧысуа агәаҭаразы Аҳәынҭқарра Ахада напхгара аиҭоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара. Аминисрцәа реилазаара Аҳәынҭқарра Ахада ишьақәиргылоит. Аминистрацәа реилазаара иалахәуп Аҧыза-министр, Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩцәа, аминистрцәа, егьырҭ азакәан аҟны иарбоу аҳәынҭқарратә усзуҩцәа. Аӡбаратә мчра Азинтә ӡбара Аҧсны иназыгӡо аӡбарҭа мацара ауп. Анхамҩатә еимакқәа еилнаргоит Абжьаҟазаратә ӡбарҭа. Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахантәаҩи уи алахәылаҩцәеи, Абжьаҟазаратә ӡбарҭа Ахантәаҩи аӡбаҩцәеи Аҧсны Ахада иабжьгарала Апарламент иалнахуеит. Аҧсны Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу аӡбаратә мчра нанагӡоит Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа. Ацәгьоурақәа рыҭҵаара азакәан иахьынӡақәшәо, аӡбарҭаҿы аҳәынҭқарратә харадҵара амҩаҧгара, аҳәынҭқарреи атәылауааи ринтересқәа рыхьчара иазку азыҳәарақәа аӡбарҭахь адгалара, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, аҭыҧантәи аусбарҭақәеи, ачынуааи изакәантәымкәа еиқәдыршәаз актқәа рҭыӡшәагара –абарҭ зегьы мҩаҧигоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хада иара инапаҵаҟа иҟоу аҭыҧантәи апрокурорцәеи. Аҧсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура аусбарҭақәа системакны иеидҳәалоуп, русурагьы нарыгӡоит егьырҭ амчрақәа ирхьыҧшымкәа.
http://mfaapsny.org/helpful-information/state_system/
2024-02-22T09:49:03Z
<urn:uuid:691ec565-2d89-4264-9b34-889ea85c06c7>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
7
3,363
tlsh:T1484053612380DB57D2E3C049DB525E31DDC2684B02327670CEC9F4B40652009FBFCE03EEAAE4028A78EB1201D223BB65A849EEF5647EAED7605410A16D7F78DC37A476C6DE
Европейский Союз в действии: работая на благо более безопасной Европы и более стабильного мира (субтитры на абхазском) Один день из жизни наблюдателя (субтитры на абхазском языке) Аимадара English / ქართული / Русский / Ирон / Аҧсуа / հայերեն / Azərbaycan / Ихадоу Ҳара иҳазкны Амандат Амандат Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом.
https://eumm.eu/ab/about_eumm/mandate/
2024-02-22T08:02:13Z
<urn:uuid:27adaf17-6363-41bf-a078-68f02cf7fac0>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.8
0.64
0.97
14
2,519
tlsh:T1F008EC515584CB4BC1B3D4A9CA814F346CE2695382117671DD8EB8B21185059EFFCC139ABEE8011BB0EB1911D222BF00690AECDA687DBBE7B04210B16E3E39D9235576C56E
"Иҭыхым аибашьцәа" апроект иацнаҵоит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, Аԥсны Афырԥҳәызба Ирина Гоцериӡе лҭоурых. 16.11.2015, Sputnik Аҧсны 2015-11-16T12:41+0300 2015-11-16T12:41+0300 2016-07-27T17:56+0300 https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101626/79/1016267928_0:49:1000:615_1920x0_80_0_0_39c7fac374e6afd8800fe47d4ed4d058.jpg Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 2015 Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Ажәабжьқәа ab_AB Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 1920 1080 true 1920 1440 true https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101626/79/1016267928_0:18:1000:646_1920x0_80_0_0_f388e7b8e4f61354adb2f41830f55a40.jpg 1920 1920 true Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Sputnik Аҧсны аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, ажәабжьқәа, аԥсны, иҭыхым аибашьцәа аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, ажәабжьқәа, аԥсны, иҭыхым аибашьцәа Ирина Гоцериӡе. Аҟазшьа ҟәымшәышә змаз афырԥҳәызба 12:41 16.11.2015 (ирҿыцуп: 17:56 27.07.2016) © Фото : Виталий КецбаИрина Гоцеридзе (нижний ряд, вторая справа). © Фото : Виталий Кецба Анапаҵаҩра "Иҭыхым аибашьцәа" апроект иацнаҵоит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, Аԥсны Афырԥҳәызба Ирина Гоцериӡе лҭоурых. Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа 60 ирныԥшуеит Аԥсны ахьчаҩцәа рҟазшьа, рыҩныҵҟатә ҭагылазаашьа. Аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны апортал аресурсқәа рҟны ицәыргоуп асахьаҭыхҩы аибашьраантәи иҭыхымҭақәеи уи ифырхацәа ирызку аочеркқәеи. Ирина Гоцериӡзе диит Краснодартәи атәылаҿацә аҟны. Аамҭақәак рышьҭахь лҭаацәа Гаграҟа нхара ҳәа ииасит. Ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Гагра анрымҽхарк, Ирина илзеиқәырхоз аԥсуаа рыхьчара, лыҩны рыҵәахра далагеит. Рхәы-рыԥхь рызналгон, нас афронт ацәаҳәа иахыганы Бзыԥҭаҟа, иахьшәарҭамыз ииалгон. Гәагә Аиба: исывыршьааз сҩызцәа иахьагьы среиԥхыӡуеит 10 Абҵара 2015, 16:46 Ирина аԥсуаа дышрыцхраауаз заҳаз ақырҭцәа дрыҭҟәеит. Дахьыӡӷабызгьы гәаамыгӡаӡакәа ддыргәаҟуан – лхаԥыцқәа ыҵырхит, лнапхыцқәа ыҵрыжәжәеит. Аха лара аԥсуаа дышрыцхраауаз атәы лмырзеит. Даноурышьҭ ашьҭахь Ирина илыӡбеит лабџьар шьҭыхны Аԥсны ахьчара дгыларц. 1993 шықәса жәабранмзазы Ирина, Авҭандил Гарцкиа напхгара зиҭоз абаталион "Евкалипт" даланы, Гәымсҭатәи афронт ахь санинструкторс днеиуеит. Авҭандил Гарцкиа Аџьынџьтәылатә еибашьра иазикыз иажәабжьқәа "Гәымсҭа нырцә" аҟны игәалаиршәоит Марттәи ажәылараан Ирина Гоцериӡзе иаалырԥшуаз афырхаҵареи агәымшәареи ртәы. "Инацымҵакәа исҳәар сылшоит, ажәылараан шәҩык ирыԥсаз аԥҳәыс лабҿаба дызбеит ҳәа. Ихәызи зылшарамч амаҷра изазымиааиз аибашьцәеи агәыӷра рылҭон. Еиҳа ианшәарҭаз аминуҭқәа раан лымчқәа ҩбатәны, лхы ҿырԥшыгас иҟаҵаны, аподвал дыҵыҵны, хыхь дҳавагыланы, лабџьар аӷа иқәкны ахысра ҭалҵон", — ҳәа аҳәоит ажәабжь аҟны. Ирина ихәыз аибашьцәа илылшоз ала ацхыраара рылҭон, аха лымч мырхакәа аԥсра хьшәашәа анапқәа ианрымҟәыҵанаклак акыраамҭа лшьара дзықәломызт. © Руслан ГаблияГоцеридзе Ирина. Гоцеридзе Ирина. © Руслан Габлия "Ҳҭагылазаашьа баны азҵаара сылҭон: — Иҟасҵари? Ахьаахҽыгақәа нҵәеит. Хәшәы ҳәа акгьы сымам. Аӡгьы ҳамҵәеит. Иара убри аан сара сҟынтәи цхыраара дазыԥшымызт. Сара, лыԥҳәыс ҟазшьа аԥыжәара агар — уи ахәцәа анырра рнаҭар ҳәа сшәаны, инықәрыҩршәа аҭак лысҭон: – Џьара ак хәыц… Аамҭа бызгозар, ига… Мцык ма иҳәа… Аҩбатәи аешелон абар, абар иааиуеит, зегь шәалыргоит ҳәа… Ихадоу – аӡәгьы дыхәны дышнаҳмыжьуа агәра дырга» иҳәоит ажәабжь автор. Аԥсны Афырхаҵа Гәырам Ҳагба: акгьы ҳхамшҭӡеит, уи аҩыза хашҭшьа амаӡам 6 Абҵара 2015, 12:03 Лара са сыдагьы макьаназ узыхәар ауаз зегьы илылшоз ала ацхыраара рыҭара даҿын. – Сара еилыскаауеит уара абас ада аҽа хымҩаԥгашьак шумам. Аха уи аҽа хықәкык иазырхазар ауп. Ахәцәа ржьара аҭахны иҟаӡам. Дара зегьы ҳара ҳаҵкьысгьы еиӷьны ирныруеит. Иҟоуп макьаназ зыԥсахәага ҭоу, зеиқәырхара ауа… Иаарласӡаны аоперациа рызузар, акгьы змыхьуа. Илҳәоз зегьы ҭынч-ҭынч акәын ишылҳәоз. Гәаӷгьы гәаарагьы рыҵамызт лажәақәа. Лылаԥш убриаҟара сеилнархуан, арахь илымҳәоз "уҳацхраа, ԥсыхәак уы" саҳауазшәа збон", — иҳәоит абаталион "Евкалипт" акомандир Авҭандил Гарцкьиа. Аибашьраан Ирина ҩеижәижәабаҟа шықәса ракәын илхыҵуаз. Ахәцәа ацхыраара рыҭарагьы абџьар кны ахысрагьы – зегь еилалыгӡон ҳәа иҩуеит Гарцкьиа. "Уажәыгьы исгәалашәоит лыԥшышьа: дцәыҵыԥшшәа, лқьышәқәа аччаԥшь аарықәыххуа. Ахәцәа лара илхьынҳалон, рыԥсы лымардон. Аччаԥшь лҿықәзар – гәыӷрак ыҟоуп ҳәа илзыԥшуан. Ларах, зегь лдыруан, рминуҭқәа лыԥхьаӡон. Арахь, аамҭа еиҳа-еиҳа иҳамҵәон", — ҳәа игәалаиршәоит акомандир. Нина Балаева: Аибашьра уԥсҭазаара ахәҭак уцәнарӡуеит 8 Жьҭаара 2015, 15:37 Марттәи ажәылараан Ирина Гоцеридзе Гәымсҭа дырсны аибашьра лхы алалырхәуан, амедицинатә цхыраара аҟаҵарагьы дахьӡон, ахәцәагьы аибашьра адәы иқәылгон. Ахәцәа руаӡәк аӡы дырылган шьҭахьҟа дхынҳәит, убринахысгьы аӡәгьы димбеит. Нас еилыркааит – дҭахеит. "Ахәцәа илҿыҵшәоз зегьы харҵон. Ирацәаӡоуп еиқәлырхаз. Исыздырам Гагратәи абаталион аҟынтәи ҳара ҳахь лнеира шыҟалаз, ажәылара дшалахәхаз. Заҟаҩ лыԥсы рханы иахьа адәы иқәузеи!" ҳәа иҩуеит Авҭандил Гарцкиа.
https://sputnik-abkhazia.info/20151116/1016308521.html
2024-02-26T03:16:08Z
<urn:uuid:f4c61684-d6b4-4f16-9a32-76a38aa337da>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.87
0.61
0.91
49
8,901
tlsh:T1868EFB02DD80CF8FCAB3C96ADF925A3668D1694743223760CED5F4B65646098FFFCD23E9EAE8025A74EB1161D062AE14764EECEA153DABE7718200602C3F39CE175475C49F
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу Аҧсуа делегациа Башкорҭорсҭан рвизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Аконгресс-хол аҟны рыдгьылҵакырақәа ирымоу алшарақәа ирылацәажәеит. Башкорҭорсҭан Ареспублика Аҧыза-министр Андреи Назаров аҧсшәа ҳәаны, иазгәеиҭеит, ас еиҧш иҟоу аиҧыларақәа ирымоу аҵакы, атәылақәа рыбжьара ахәҳаахәҭреи аинвестициақәеи рымҩақәҵараҿы инанагӡо ароль, иара аубас анаплакратә уаажәларрақәа ирыбжьоу аимадарақәа рырҭбаараҟны, ареспубликақәа рҩныҵҟеиҧш, глобалла азнеирала еиҳа инарҭбааны - жәларбжьаратәи аекономикатә уаажәларра ахәҭаҿы. "Иахьа ҳара ауасхыр азышьҭаҳҵоит атауареикәшара аҧхьаҟа аизырҳара аус, аекономикатә еимадарақәа рырҭбаара, аимадарақәа рырӷәӷәара, анаплакратә уаажәларрақәа русеицзура арҿиара. Ҳарҭ иаҳзаатуеит азеиҧш лшарақәа ааглыхраҿы аусеицуразы, абнатә нхамҩаҿы, аргылараҿы, ахәҳаахәҭраҿы, акультураҿы, аҵараиураҿы. Зегь реиҳа ихадароу, ари Аҧсни Башкорҭосҭани рекономикатә лшара аизырҳара, ҳажәлар рыҧсҭазаара аиӷьтәра иацхраауеит,-иҳәеит Андреи Назаров. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа арегион анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит рысасдкыларазы. "Ҳреспубликақәа ирымоу алшарақәа ҳазҭагылоу аамҭазы ишахәҭоу еиҧш ахархәара амам. Аҧсҭазаара еиуеиҧшым аусхкқәа рыҟны ҳаимадарақәа ҳәаақәаҳҵазароуп. “Хықәкы хаданы иҳамоуп ҳауаажәлар рыбзазара еиӷьтәра, ареспубликақәа рыҟны иҭрыжьуа атауари амаҵзурақәеи Аҧснынтә Башкоҭорсҭанҟа, иара убас Башкорҭосҭанынтәи Аҧсныҟа рдәықәҵара алыршатәуп”,- иҳәеит Ахада. Анаҩс, Башкоҭорсҭан аекономикатәи аинвестициатәи лшара дазааҭгылеит аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ - аекономикатә ҿиареи аинвистициатә политикеи рминистр Рустам Муратов. Аҧсны Аҳәынҭқарра атуристтә лшара дахцәажәеит атуризм аминистр Ҭемраз Хышба. Хышба иқәгылараҿы дазааҭгылеит иааидкыланы, Аҧсни Аҧсны аҳәынҭқарра аҭоурыхи. Иара убас, атуризм аминистр иҳәеит зҿлымҳара шаҭатәу хырхарҭақәак рыҟны Башкорҭосҭан аҧышәа, ҷыдала, атуризм аусхк аҟны. "Аҧсны аинвестициатә ҳауа уникалтәуп. Уи зыбзоуроу атәыла анапхгареи, хаҭала Ахадеи роуп,-иҳәеит Ҭемраз Хышба. Иара убас, уи далацәжәеит атәылаҿы аус зуа ашәахтә льготқәа. Аинвестор изы иалшоит ахашәалахәы аҟнытә ашәахтә армаҷра, 10 инаркны 70 млн.рҟынӡа аинвестициа алагалараҟны амазаразы ашәахтә аҟны - 50%. Амазаразы ахашәалахәы аҟнытә ашәахтә ашәараҟнытә ихы дақәиҭтәхоит аинвестиуиа амҽхак 70 млн. еиҳазар. Иарбоу альготқәеи апреференциақәеи аус руеит апроект аҿҳәара аманаҵы, аха апроект аусура нап анаркыз инаркны аашықәса иреиҳамкәа. Ахыркәшаратә қәгылараҟны Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Башкоҭорсҭан Ареспублика анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит, аиҩызаратә республикақәа рыбжьара аимадара рырҭбаара дшадгыло шьақәырҕәҕәаны. “Абри инаҵаны исҳәарц сҭахуп, иахьа аҿари сареи аиҧылара ҳаман, даара сгәы шьҭнахит ас еиҧш аҿар бзиа ахьшәымоу. Ҳара уи аганахь ала ҳаартуп. Ҳделегациа аилазаараҟны иҟоу еиҳарак аҿар роуп. Убри аҟнытә сгәы иаанагоит аҿар рганахьала аҿиара, аихьӡарақәа ҟалап ҳәа. Иҭабуп аҧхарра зҵаз шәысасдкыларазы. Аҧсны шәнеир ҳҭахуп, ҳашәзыҧшуп", - иҳәеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/14787/
2024-02-24T23:42:12Z
<urn:uuid:ebc6c091-5c9b-4c82-b525-0a57d5616b5d>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.9
0.98
20
6,393
tlsh:T1F6E1D4D18A40CB4BC1B7C099DB828B356CD0280752627260CECCF5745642099EEFCD13A6FAE90A8A74DB1611D561BF146A0EFDE6697DABD7305240A12D3F78ED37A437C29F
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ареспубликаҟны ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы, Аҧсны жәлар рахь ааҧхьара ҟаиҵеит. Ааҧхьара атекст аҟны иҳәоуп: Ажәлар шәхацкы! Иахьатәи сықәгылара ҳтәылаҟны аепидимиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара иазкуп. Атәыла анапхгара иҟоу ауадаҩрақәа бзианы еилнакаауеит. Иаҳдыруеит Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳәаа аркра иахҟьаны ҳтәылауаа зҭагылоу. Аха ҳҳәынҭқарразы ҳтәылауаа рыҧсҭазаареи ргәабзиареи еиҳау акгьы ыҟаӡам. Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳабжьара ганкахьала мацара аҳәаа аартра алшаӡом. Аҧсны анапхгареи урыстәылатәи агани есқьынгьы аимадара рыбжьоуп аҩ-тәылак руааҧсыра ргәабзиаразы еиҳа ишәарҭам азыӡба адкыларазы. Хара имгакәа, ари азыӡба адкыларазы амҩақәа ҧшаахоит. Аҧсны анапхгара атәылауаа рзы аҿкы чымазара ахҟьа-ҧҟьақәа излауала рырмаҷразы ауснагӡатәқәа нанагӡоит. Сара хаҭала ауааҧсыра короновирус ацәыхьчаразы азҵаарақәа зегьы хылаҧшра рысҭоит. Иагханы акәзаргьы, ауалафахәқәеи атәанчахәқәеи ршәара мҩаҧысуеит. Аҩызцәа! Ҳара ҳтоурых аҟны иҟан ари аиҳа иуадаҩыз аамҭақәагьы. Аха ҳажәлар аҭагылазаашьа иага ихьанҭазаргьы, аҟәыҕареи ачҳареи аарҧшны уи иалҵуан. Акыр иаҧсоу сыуаажәлар, аҳәара ҟасҵоит ачҳара аашәырҧшырц. Аиҳабацәа, згәабзиара уашәшәыроу ҳрызхәыцуп, ари ачымазара бааҧсы иаҿагылоу ҳҳақьымцәа ҳрыцхраап. Акыр иаҧсоу аҩызцәа! Иҳачҳап! Ихадароу ҳтәылауаа рыҧсҭазаареи ргәабзиареи роуп! Ари зегьы иреиҳауп! Аекономикатә ҟазшьа змоу азҵаарақәа, ҳәарада, ҳамчқәа еилаҵаны иҳаӡбоит!
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/12554/?print=Y
2024-02-24T23:28:54Z
<urn:uuid:d077039a-4f3f-469b-acbd-82422e5ec22f>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
9
2,691
tlsh:T1EC7E6B5109959B5BD5B7D559DB959A756DD565565767B665DDDEB5B5565A59AFFFDD57B6FAE55A5A75E76566D565BF55A55AFDE5597EAAD7755655A56D7F7DDD779575D5AE
Сербиа, ԥхынҷкәын 17 рзы имҩаԥгаз апарламенттәи амуниципалитеттәи алхрқәа рылҵшәақәа раԥыхра аҳәарала иашьҭанеиуа акциа мҩаԥган 16:25, 26.12.2023 Александр Вучич ишааицҳаз ала, Белград имҩаԥысуаз акциақәа анапхгара ахҳәара хықәкыс иаман, ари аус аҿы акциа атәым тәылақәа ацхыраара азыруан 21:30, 25.12.2023 Белград адемонстрациақәа инагӡоит, иахьа астудентцәа амҩақәа адыркыр рҭахын 09:33, 18.12.2023 Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Сербиа имҩаԥгаз изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рҿы аиааира агеит Александр Вучич ипартиа 13:30, 17.12.2023 Сербиа изаамҭаным апарламенттәи аҭыҧантәии алхрақәа мҩаҧысуеит 13:30, 09.05.2023 Александр Вучич ишааицҳаз, Косово азҵааразы Европа ахеилак аҿы абжьыҭира ашьҭахь аҩызцәа Қырҭтәылеи, Азербаиџьани, Кипри, Венгриеи, Румыниеи, Испаниеи раамҭа аауеит 13:22, 07.12.2022 Олаф Шольц Сербиеи Евроеидгыла алалара зҭаху Балканқәа егьырҭ атәылақәеи рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Евроеидгыла Урыстәыла азышьақәнаргылаз асанкциақәа рхы иадырхәарц 10:45, 01.08.2022 Нато иаҵанакуа жәларбжьаратәи мчқәа рмиссиа Косово иҟоу аҭагылазаашьа икылкааны иацклаԥшуеит, аҭынчра ашәарҭа иҭагылар, аҽалархәра азыхиоуп 09:12, 01.08.2022 АИХ - Сербиеи Косовои радминистративтә аиҟәшаратә цәаҳәаҿ ахысбжьи ашәарҭарабжьи гон 11:00, 01.04.2022 Николоз Самхараӡе визитла Сербиа ддәықәлоит 18:46, 27.07.2021 Сербиа "Covid-19" аҟынтәи ҩдозак алаҵа аҟаҵара шьақәзырӷәӷәо ақырҭуа асертификт азханаҵеит 13:28, 26.10.2019 Сербиa Еврaзиaтә Еидгылa зхы иaқәиҭу aхәaaхәҭрaтә зонa иaлaлеит 12:33, 16.07.2019 Емaнуел Мaкрон Сербиеи Косовои реизыҟaзaaшьaқәa рҭыҧқәҵaрaзы aиҿцәaжәaрaқәa реиҭaлaгaрa aинициaтивaлa дықәгылеит
https://1tv.ge/lang/ab/news_tag/serbia/
2024-02-28T03:08:06Z
<urn:uuid:f42a87a9-8e50-4a77-a1e5-daf77ea19967>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.85
0.63
0.97
19
2,779
tlsh:T173CA8F519C40DB4BC5B3D0599A8198355DD16C178121B075CEE5B8742542488DFFCD12EAFAF8158F606F1A52E12ABF106B12ECE7297DBEE3318210F16E3F34EE22A475DD6E
Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла илыдырныҳәалоит ажурналист, ашәҟәыҩҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Екатерина Бебиаҧҳа лиубилеи. Екатерина Гьаргь-иҧҳа 40 шықәса инареиҳаны иҵуеит ажурналистика лнапы алакуижьҭеи, амилаҭтә журналистика аҿиараҿы хаҭалатәи ллагаламҭазы илыхҵоуп Ареспублика Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. Қарҭтәи ауниверситет ажурналистика афакультет аушьҭымҭа 1989 шықәсарзы аспирантура далганы, акандидаттә диссертациа лыхьчеит Аҧсны апериодикатә кьыҧхь атемала. Данстудентказ инаркны активла далахәын амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара. Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан аус луан Аҧсуа радио аредакциа аҟны, иара убри аамҭазы Атәылахьчара аминистрра арратә корреспондент иаҳасаб ала ателехәаҧшратә нҵамҭақәа рыҟаҵара далагеит. Инеизакны, Екатерина Бебиаҧҳа лылшамҭақәа рацәоуп Аҧсны ахьчаҩцәа иаадырҧшуаз агәымшәареи, ахамеигӡареи, афырхаҵареи рӡыргара аус аҿы, хыҧхьаӡара рацәала лжурналисттә усумҭақәа урҭ ирызкуп. Иара убас лџьабаа маҷымкәа иадылҵеит 30-тәи ашықәсқәа раан харада иҭадырхаз, идырӡыз аҧсуаа рлахьынҵа аиҭаҳәара, рыхьӡ аиҭашьақәыргылара аус ҧшьа. Екатерина Гьаргь-иҧҳа Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла апремиақәа изныкымкәа дрыҧсахахьеит, иланашьоуп «Агәымшәаразы» амедали, «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡареи. Аҧсныҭәи Аҳәынҭқарратә университет апрофессор Екатерина Бебиаҧҳа ажурналистцәа ҿарацәа реиҵааӡара аус аҟны ллагамҭазы Ареспублика Аҧсны Иреиҳаӡоу ашкол зҽаԥсазҭәыз аусзуҩ ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵоуп. 2002 шықәса рзы Екатерина Гьаргь-иҧҳа Ҟәбантәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны Аҧсуа телехәаҧшреи арадиои русура иазкыз адоктортә диссертациа лыхьчеит. Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла Екатерина Бебиаҧҳа лиубилеи лыдныҳәало илзеиӷьаршьоит агәабзиара зҩыда, аманшәалара, арҿиара аус аҟны аихьӡара ҿыцқәа!
https://sj-ra.info/ekaterina-bebia-a-lydny-alara/
2024-03-04T07:24:48Z
<urn:uuid:8a08f811-ac99-4a32-9018-d642dc47c232>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
8
3,298
tlsh:T123C12D616704CB4BC8B3D09989918D362CC0281B43327570CDC5F5B5164314DEFFCC03E9FAE4028AF4DB0612D456BE11AA4EECEA15BDBED7711A04613D2F78EA2B9475D59E
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа афымцаеимдаразы звольтҳараку ацәаҳәа «Аҽгәара» аҟны аусурақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ даҭааит. Ашәахьаҽны, хәажәкырамза 13 рзы имҩаԥысыз аинспекциатә ныҟәараан аҳәынҭқарра Ахада дицын Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган. Очамчыра араион Ачгуара ақыҭаҟны Ахада звольтҳараку афымцаеимдара ацәаҳәақәа рҵаргәа ҿыцқәа реибыҭара аҭыԥ даҭааит. Иаку арегионтә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» анџьныр хада ин. назыгӡо Руслан Кәарҷиа аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит имҩаԥгоу аусурақәа рылҵшәақәа рзы. 2023 шықәса ажьырныҳәамза 23 рзы иҟоу аҭагылазаашьала афымцеимдара ацәаҳәа ҿыцқәа реибыҭаразы аусурақәа хыркәшоуп. Звольтҳараку ацәаҳәа «Аҽгәара» аҟны имҩаԥгоу арҿыцратә усурақәа рышьҭахь 5 сааҭк рзы иреиҵаӡоу амчхареидара аҭаны агәаҭаратә аужьра мҩаԥган. Урыстәылатәи Афедерациаҟнытә афымцамч аагара анхыркәшахалак анаҩс изықәнагоу амчхареидара аҭаны аужьра ҟалоит, уи ашьҭахь ахархәарахьгьы иаужьны. Ҳазҭагылоу аамҭазы имҩаԥысуеит адыд еихашаха ҿыц аибыҭара, убри аан аибыҭаразы аусура иадхалоит 30 мшы (амш аныбзиоу). Иаҭаху аматериал зегьы еиқәыршәаны иҟоуп. Адыд еихашаха ҿыц аибыҭара мҩаԥысуеит ажәытәтәи адыдцәыхьчага аҭыԥқәа рыԥсахрала, ари адыдцәыхьчага система зегьы аибыҭара хыркәшахаанӡа афымцаеимдара ацәаҳәа ахархәара алнаршоит. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15418/
2024-02-24T18:50:48Z
<urn:uuid:16a486d1-1280-454e-8804-195fc268998f>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.89
0.83
0.96
12
3,245
tlsh:T17BED6C616A40DB8BE5B3D9A9CE828A3958C158425A627761CFCDF0B20642084FFBCC13EABBE4058F74D71555E162AB10AA09FCFB257C9BD3314251A07C3F38DC2B9471D26E
Амедиа адыррала, Евроеидгыла ари аиҿкаара иалоу атәылақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит Китаинтә инеиуа апассаџьырцәа рҟны „ковид-19“ азы атестирра зыршҳаҭуа адокумент гәарҭаларц - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Амедиа адыррала, Евроеидгыла ари аиҿкаара иалоу атәылақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит Китаинтә ... Иҵегь аҭагалара Амедиа адыррала, Евроеидгыла ари аиҿкаара иалоу атәылақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит Китаинтә инеиуа апассаџьырцәа рҟны „ковид-19“ азы атестирра зыршҳаҭуа адокумент гәарҭаларц 14:26, 05.01.2023 Евроеидгыла ари аиҿкаара иалоу атәылақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит Китаинтә инеиуа апассаџьырцәа рҟны „ковид-19“ азы атестирра зыршҳаҭуа адокумент гәарҭаларц. Ари аинформациа аланарҵәеит „Еврониус“. Аинформациа инақәыршәаны, акоронавирус азы атест ҟаҵазароуп аҧырранӡа 48 сааҭ еиҳамкәа ишагу. „Еврониус“ ишану ала, ари аӡбара аиуристтә мчы амам. Аӡбара здызкылаз Евроеидгыла „Аинтеграциа зызу аполитикатә кризис ақәҿыҭра (IPCR)“ агәыҧ – 27 ҳәынҭқарра рыбжьара акризисқәа рхылаҧшра иацхраауа органуп. Амедиа адыррала, Евроеидгылаҿ ишеиқәшаҳаҭхаз ала, Китаинтә Евроеидгыла ахырхарҭала идәықәло ареисқәа зегьы рпассаџьырцәа асабрадақәа ма ареспираторқәа рҿазароуп. Иара убас, Евроеидгыла атәылақәа, Китаинтә иаауа апассажьыцәа „машәырлатәи атестирра“ рзымҩаҧыргалароуп. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаараҿы ишаарыцҳаз ала, иҳаҩсыз амза аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Китаи акоронавирус амшала иҧсит 242ҩык. АДУНЕИАҾЫ aкоронaвирус Евроеидгыла Китаи 1 Еиҧшу Китаитәи ареспублика Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизадатә режим шьақәнаргылеит Евроеидгыла Украина ацхыраара аҳасабла 50 миллиард евро азалхра азҵаара аднакылеит "Ақырҭуа гәахәтәы" аделегациа Китаи авизит ихыркәнашеит Педро Санчес - Ҳара Мраҭашәаратә Балканқәеи, Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи ашәқәа рзааҳартит, сара уи сеигәырҕьоит Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рзы амаҵзура аплан иарбоуп Евроеидгыла атәылақәа рыла Украина абџьар аҭара аудит амҩаҧгара «Ақырҭуа гәахәтәы» аделегациа Китаи аиҧыларақәа нанагӡоит Иракли Кобахиӡе - Китаи аҟны аусеицура еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҵак ду амоуп Иракли Чиқовани - Ҳтәылақәа астратегиатә партниорра иазкны аҳамҭақәа ҟарҵахьеит, ари иазыԥхьагәаҭаны Китаи авизит ҩганкаатәи еизыҟазаашьақәа рырҿиара аус азы аҵак ду амоуп Таиван ихадароу апрезиденттәи апарламенттәи алхрақәа рзы аҽазыҟаҵара иаҿуп Тедрос Аданом Гебреисус - Covid-19-и, агриппи егьырҭ ареспиратортә чымазарақәеи рхыԥхьаӡара иазҳауеит, асабрадақәа ныҟәыжәгала, алаҵақәеи атестқәеи иҟаҵаны ахьшәымоу гәашәҭала Амш зеиҧшрахо -1° аҩ Қaрҭ Ах -3° аҧшь -2° Авалиута акурс $ USD 2.6525 0.001 € EUR 2.8769 0.007 ₽ RUB 0.02873 0.077 £ GBP 3.3631 0.004 TOP 5 Қырҭтәыла VS Сербиа Актәи аканал аҿы - итәу "Қарҭтәи аренаҿ" арекордсен Гьаргь Цинцаӡе амҵәышәмпыд аҟынтә днаскьаргоит #1TVSPORT Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит Иракли Чиқовани апланшьҭыхреи, аполитикеи, астратегиеи, алшарақәеи рзы Америка Европатәи анапхгара адиректор диҧылеит Илиа Дарчиашвили ЕАР ауаҩытәыҩса изинқәа рхеилак иреиҳаӡоу аҩаӡара змоу асегмент 55-тәи асессиа ихы алаирхәоит
https://1tv.ge/lang/ab/news/amedia-admrrala-evroeidgmla-ari-aitchvkaara-ialow-atmlaqa-rax%D1%8C-aaphx%D1%8Cara-khanaceit-kitaint-ineiwa-apassaj%D1%8Cmrtca-rkhnm-kovid-19-azm/
2024-02-27T00:44:07Z
<urn:uuid:a2bb5d8d-325b-4cd0-9a5f-aaaaf5e35ead>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.61
0.95
54
5,970
tlsh:T19759DCC18C40DB4BD273C155CA818E362CE0684B8221B231CDD9B4701245099EFFCD12E9B9EC5A4B70D71512E166BF11790AFCEA18BDFEDB715600A56E3F38D933A836CAAE
Олиевр Варҳеи - Илиа Дарчиашвили иҟны аиԥылараӡ Евроеидгыла амҩаҿ Қырҭтәыла апрогресс ҳахцәажәеит, сақәиргуӷит арекомендациақәа рынагӡара аганахьала апрогресс ииашоу хырхарҭала ишцо 09:02, 15.06.2023 Оливер Варҳеи - Қырҭтәыла европатәи тәылоуп, Қырҭтәыла аԥеиԥш Евроеидгыҿ иҟоуп 18:14, 18.04.2023 Еврокомиссар Оливер Варҳеи - Евроеидгылахь амҩаҿ апрогресс атемп ашьаҭатәи реформақәа рынагӡара иадҳәалоуп 20:06, 21.03.2023 Оливер Варҳеи - Ареформақәа иманшәалахарц азы зегьы рымчқәа еидкыланы аус руроуп, ҳара Қырҭтәыла ақәҿиаразы аекономикеи аинвестициатә план аимплементациеи ҳарццакуеит 19:21, 18.05.2022 Оливер Варҳеи - Ихарҭәаау азҵаабҕьыц аиура аҽныҵәҟьа Еврокомиссиеи Евроеидгылеи Қырҭтәыла аҳәара иазку аихшьаала аус адулара иалагеит
https://1tv.ge/lang/ab/news_tag/varhei/
2024-02-28T09:48:59Z
<urn:uuid:a8bd8b0d-95e5-4bc3-868f-e4763ea3741c>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.83
1
6
1,324
tlsh:T1C82724214901EB0BD273D5168781CA3979C16646C362B164CEE9B9344707148EFFCD0295B4A00A9B20870711D556BF085D19BDD72ABEBAE7B64015742E3F38E93AA930CA5E
Давиҭ Арахамиа иҳәамҭала, 2024 шықәсазы Украинаҿ апрезиденттә, апарламенттә, ма аҭыҧантәи ахаланапхгаратә уҳәа, изакәызаалак алхрақәа мҩаҧгахом - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Давиҭ Арахамиа иҳәамҭала, 2024 шықәсазы Украинаҿ апрезиденттә, апарламенттә, ма аҭыҧантәи ... Иҵегь аҭагалара Давиҭ Арахамиа иҳәамҭала, 2024 шықәсазы Украинаҿ апрезиденттә, апарламенттә, ма аҭыҧантәи ахаланапхгаратә уҳәа, изакәызаалак алхрақәа мҩаҧгахом 12:38, 25.11.2023 Украина анапхгаратә партиа „Ажәлар рмаҵзуҩы“ ахантәаҩы Давиҭ Арахамиа иҳәамҭала, 2024 шықәсазы Украинаҿ апрезиденттә, апарламенттә, ма аҭыҧантәи ахаланапхгаратә уҳәа, изакәызаалак алхрақәа мҩаҧгахом. Арахамиа иажәақәа рыла, мраҭашәаратә партниорцәа Украинаҿ алхрақәа рымҩаҧгара иаҳәом, аха, уезгьы, аамҭа-аамҭала ари азҵаара цәырҵуеит. Иара ишиҳәаз ала, аруаа, мамзаргьы, аҳәаанырцә иҟоу украинаа алхрақәа раан абжьыҭира шрылшаша аӡәгьы издырӡом. „Иааиуа ашықәс азы алхрақәа зымҩаҧгахом ҳәа сгәы иаанагоит. 2024 шықәсазы Украинаҿ апрезиденттә, апарламенттә, ма аҭыҧантәи ахаланапхгаратә уҳәа, изакәызаалак алхрақәа мҩаҧгахом“, – иҳәеит Арахамиа. Украинатәи амедиа адыррақәа рыла, уаанӡа, Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба иҳәеит алхрақәа рымҩаҧгара азҵаара ишалацәажәо, ахада Зеленски еиуеиҧшым авариантқәа дышрыхәаҧшуа. АПОЛИТИКА Дaвиҭ Арaхaмиa украина 5 Еиҧшу Германтәыла арратә чынуаа реиҿцәажәара анҵамҭа аурыс журналистцәа рнапаҿы иҟалеит, германтәыла ари афакт азы аусеилыргара иалагеит Афранцыз медиа – Франциа аиҳабыра аотриад ҷыдеи арратә хәҭақәеи Украина аҳәаа ахысра азин рыҭара алшара иахәаҧшуеит CNN – Пентагон Украина ацхрааразы арезерв аҟынтә 4 миллиард адоллар ахархәара азҵаара иахәаҧшуеит Пентагон анапхгара ишаарыцҳаз ала, Америка Украинаҟа арбџьармчқәа рдәықәҵара ргәы иҭам Еммануель Макрон - Мраҭашәаратәи тәылақәа Украинашҟа ар рышьҭразы аконсенсус ирымаӡам, аха наҟ-наҟ иҟало аӡәгьы издырӡом Украина Германтәылантә ацхыраара апакет ҿыц аиуит Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит Қарҭтәи ателебааш Украина абираҟ аҧштәқәа рыла ирлашоуп Иенс Столетнберг - Украина хымԥада Нато илалоит, уаанӡа алианс ари атәыла адгылара нанагӡоит Амш зеиҧшрахо 10° амҽ Қaрҭ ашә 11° аҩ 14° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/davi%D2%AD-araxamia-iham%D2%ADala-2024-shmqsazm-wkrainatchv-aprezidentt-aparlamentt-ma-a%D2%ADmphanti-axalanapxgarat-wha-izak/
2024-03-03T05:29:55Z
<urn:uuid:f2eb4bfc-89df-4acb-b223-dd4cf220c4ec>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.89
0.62
0.95
47
5,521
tlsh:T1C952E1B17A40DB47C9B3C599CA818A366CD1691B5661B160CED9F47526420ADEBFCD039AFEED454A709F1812D062BF016A09FDDB54BCBFDB204240E12E2F38ED33D47695AE
https://sputnik-abkhazia.info/20190930/Shalua-Zhiba-barda-eibashra-tseit-akha-aa-iiaaira-alsheit-1028499575.html Шалуа Жьиба: бџьарда еибашьра ҳцеит, аха аӷа ииааира ҳалшеит Шалуа Жьиба: бџьарда еибашьра ҳцеит, аха аӷа ииааира ҳалшеит Sputnik Аҧсны Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан сапиорс иҟаз, Гагра араион ахақәиҭтәреи Мрагыларатәи афронт ажәыларақәа ирылахәыз, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Шалуа Жьиба... 30.09.2019, Sputnik Аҧсны 2019-09-30T09:41+0300 2019-09-30T09:41+0300 2019-09-30T09:55+0300 https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101956/51/1019565179_0:52:1024:628_1920x0_80_0_0_e275b7eb26099b45701b95c6c9e631d8.jpg Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 2019 Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Ажәабжьқәа ab_AB Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 1920 1080 true 1920 1440 true https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101956/51/1019565179_60:0:965:679_1920x0_80_0_0_b900effa96f778579829aa7cee246663.jpg 1920 1920 true Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Sputnik Аҧсны аԥсны аԥсны Шалуа Жьиба: бџьарда еибашьра ҳцеит, аха аӷа ииааира ҳалшеит 09:41 30.09.2019 (ирҿыцуп: 09:55 30.09.2019) © Фото : предоставлено Госмузеем Абхазии1992-1993 гг © Фото : предоставлено Госмузеем Абхазии Анапаҵаҩра Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан сапиорс иҟаз, Гагра араион ахақәиҭтәреи Мрагыларатәи афронт ажәыларақәа ирылахәыз, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Шалуа Жьиба Аиааира 26 шықәса ахыҵра инамаданы игәалаиршәоит бџьарда ишыҟазгьы, аӷа аҿагылара ширҭоз. Саида Жьиԥҳа, Sputnik Шалуа Спиридон-иԥа Жьиба Баҭым аршьаҟатә полк асапиортә ротаҟны арра маҵзура дахысны Мгәыӡырхәаҟа данаалак, аусура далагоит "Ахьтәы ҟәара" аԥсшьарҭатә ҭыԥ акрыфарҭаҿы хәыҟаҵаҩс. Араҟа акыр шықәса СССР атәылақәа жәпакы рахьынтә иаауаз асасцәа инапы иҵыҵуаз ачыс ала идырчон. © Foto / предоставлено Саидой Жиба"Агәымшәаразы" амедал занашьоу Шалуа Жьиба "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Шалуа Жьиба © Foto / предоставлено Саидой Жиба Акурорттә аамҭа ашыкьымҭа ишҭагылазгьы, нанҳәа 14 рзы Шалуа аԥсшьарамшы ирҭоит. Ихатә усқәа инапы рыликаанӡа, дықәианы ателевизор дшахәаԥшуаз, дзыршанхо ажәабжь иаҳауеит. Павел Амҷба: ахы ҳаҿалон ҳҿар еиқəхарц азы 21 Цәыббра 2019, 16:13 "Иаразнак сҩаҵҟьан, аусурахь снеит, усгьы "Золотой берег" ақыҭа ҷкәынцәа еизарҭас ирыман. Уантәи Гәдоуҭа арратә комиссариат ахь ҳҿынаҳхеит. Уаҟа уаҩ данҳақәымшәа, араион Ахадарахь ҳдәықәлеит. Уажәшьҭа иазусҭцәоу сгәалашәом, аха иаҳԥылақәаз армаҭәа ҳарҭан, "зны ақыҭақәа рахь шәца, адҵақәа ҟалозар адырра шәаҳҭоит" рҳәан, шьҭахьҟа ҳрышьҭит", - аибашьра раԥхьатәи амш игәалаиршәоит Шалуа. Абџьар аӡәгьы имамызт аҟнытә, Шалуа арраҿы иоухьаз аԥышәа ихы иархәаны, иаразнак напылаҟаҵаратәи арҭҟәацгақәа реибыҭара далагеит. Иҩыза Вадик Задеи иареи аӡымҩангагатә цәаҳәақәа ԥшааны, иркьаҿны ихҵәаны, арҭҟәацга афҭил аҭаны, аҩнуҵҟа акапсулақәа ҭаҵаны иҟарҵон. Ԥсабарала, шьала-дала иеибашьҩыз - Мушьни Хәарцкьиа 15 Хәажәкыра 2017, 13:32 "Атанк азԥжәомызт, аха ауаҩы дҭанархон Вадики сареи, анаҩс урҭ рыҟаҵара зҳарҵаз ҳҩыза ҷкәын Славик Шәлымбеи еибаҳҭоз арҭҟәацгақәа", - еиҭеиҳәоит аибашьра аветеран. Шалуеи даҽа гәыԥҩыуааки аибашьра аналага мышқәак рышьҭахь, Ауадҳараҟа ирышьҭуеит Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иҳацхраарц иаауаз ирԥыларц. "Ауадҳара ҳшыҟаз, Гагра араион ахақәиҭтәразы ажәылара иалагеит ҳәа ҳаҳаит. Вадик Задеи, сареи, Бзыԥҭатәи аҷкәын Вахтанг Еныкьи, даҽа гәыԥҩыуааки Мамзышьхала Мгәыӡырхәаа ҳрыхьӡеит. Фата Дбар икомандаҟаҵарала аԥсшьарҭа ҩны "Украина" инаркны, Ешырантәи Агрбак иныҟәицоз атанк ҳлақәтәан, ҳқыҭа иатәыз Џьыкырбак автомат уаараҳәа иааимсхын, амҩаду рыцқьо Ԥсоунӡа ҳнеит", - иажәабжь иациҵоит аибашьҩы. Гагра араион ахақәиҭтәра раԥхьатәи иааирахеит аԥсуа жәлар рзы. Ҳаибашьцәа ракәзар, аӷацәеи дареи рымчқәа шеиҟарамызгьы, агәыӷра роуит Аԥсны аҭарцәра шрылшо. "Гагра аԥсуаа ҳаналала, ақырҭцәа ашәара рызцәырҵит. Мыцхәы рхы ишақәгәыӷуаз, рыҽӡаны ицо иалагеит. Дара анфырхацәоу ԥсыуаки жәаҩык ақырҭцәеи анеиҿагылоу ауп", - иҳәоит Шалуа. Зыдҵа анагӡара иахьымӡаз аԥшыхәҩы: Едуард Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз 12 Ажьырныҳәа 2019, 15:44 Аԥсуа еибашьцәа Гагра араион аӷа даналырца, Шалуа Аҩадатәи Ешыра, Амзара ҳәа иахьашьҭаз аҭыԥ ахь Гиви Смыр командаҟаҵаҩыс дызмаз аԥшьбатәи амотохысратә баталион дацны дцоит. Рашәарамзазы диасуеит Валикәа Багаҭелиа командаҟаҵаҩыс дызмаз ахԥатәи амотохысратә баталион ахь. Араҟа ирыцеибашьуан, Шалуа иҿырԥшыганы ииԥхьаӡо Дикран Цкәуа ԥшьҩык иԥацәеи иареи. Аҩадатәи Ешыра, "Дачи" ҳәа ззырҳәоз аҭыԥ акәша-мыкәша Шалуа иҵихит атанкԥжәагатә минақәа ҩажәа. "Атанкԥжәагатә минаԥшаагақәа абаҳамаз. Ус сахьынаԥшуаз, анышә зқәырҳәҳәаны иҟаз аҭыԥқәа анызбалак, напыла иааимырппаны, сџьаба иҭаз ацаԥхақәа рыла, арраҿы ишызбахьаз еиԥш, ацәаҳәақәа еилысхуан", - ҳәа азгәеиҭоит иара. Аҩадатәи Ешыра Шалуа ивыршьаауеит ҩыџьа Жьиаа рыҷкәынцәа, ҩыџьа аишьцәа гәакьацәа Ҷкотуаа. "Цугуровка ҳаналалозгьы, ашьаарҵәыра ҳалаԥшит. Убасҟан дҭахоит аԥшыхәҩы Едуард Ажьиба, ахәра ӷәӷәа иоуеит Аполлон Шьынқәба. Ҳалбаауа ҳаналага, аӷацәа дырхәит Гәылик Жьиба, анаҩс дыҭҟәаны дыргеит. Уи иԥсышьахаз иҳаӷоу исызиаҭәашьом. Иҿахәы иҿыхра анрылымша, ажыгала иааисуа, инацәкьарақәеи ишьацәкьарақәеи хырҵәо иалагеит. Иԥсыбаҩ анҳау, ҳхы еилаԥсоз џьаҳшьеит, узҿаԥшуаз дабаҟаз... Мгәыӡырхәаа ԥыҭҩык ҭахеит Цугуровка. Мераб Маан ахәра иоуит, Вианор Гәынба хабарда дыбжьаӡит. Аиашазы, ҳгәы каҳарц акгьы ҳагымхеит, аха ҳхәыцра ҳархеит аӷа инырҵәарахьы", - игәалашәоит аибашьра аветеран. Шалуа иқыҭауаа рыӡбахә ҳәо, агәаӷь зызҭаз аибашьҩы ҳәа дихцәажәоит зегьы иреиҵбыз Олег Дбар. Едуард Ажьибеи, Сергеи Дбари, Фата Дбари аибашьра алегендақәа ҳәа рзиҳәоит. Шалу Жьиба далахәын Шроматәи, убас Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәыларақәа. Зыгəра газ уаҩын: аибашьҩы Даур Гогəуа игәаларшәаразы 27 Цәыббра 2019, 14:28 Аҟәа анҭадырцәы, Шалуа дызцыз Фата Дбар игәыԥ Галынӡа инаӡоит. Убраҟа агранатаршәгала ианеиҿахысуаз, Шалуа ахәра иоуеит. Иахьа уажәраанӡагьы ихы иалоуп узкьысыр ҟамло ахыԥҽыхақәа. Шалуа Жьиба аибашьра адәаҟны иааирԥшыз агәаӷьреи ахаҵареи рзы аԥсуа ар ркомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба 2000 шықәсазы ианеишьоит "Агәымшәаразы" амедал. Убас иаҭәашьоуп "Гагра араион ахақәиҭтәрази", "Лаҭа ахақәиҭтәрази", аиубилеитәи медалқәа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьгьы Шалуа ахыԥҽыха сылоуп ҳәа аҩны даанымхеит. Иара акыр шықәса Гал араион аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахаанӡа ирратә уалԥшьақәа ирыциҵон. Далахәын 2001 шықәсазы Кәыдрытәи аҩхааҟны атеррорист Руслан Гелаев имҩаԥигарц игәиҭаз аоперациа аԥырҟәҟәаарагьы. Аҵыхәтәаны иазгәаҭатәуп, Шалуа Жьиба аибашьра аинвалид хәа ашәҟәы шимам, ианаамҭаз "аума смыхьит" ҳәа дамаԥхашьаны иахәҭаз ақьаадқәа еиқәимыршәазт азы...
https://sputnik-abkhazia.info/20190930/Shalua-Zhiba-barda-eibashra-tseit-akha-aa-iiaaira-alsheit-1028499575.html
2024-03-05T00:21:18Z
<urn:uuid:dfa0d991-ccea-40de-a793-8c025a87ce90>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.87
0.65
0.92
52
11,556
tlsh:T1F644AB32CD04CB4FCAB3D459DF8285356CC12E4386637760CED1F4B516420A8EFFCC03AEFAE916AA74DF1121D151AE106A4EECEA193EABD7709210A52C3F38CE279536C59E
Шьалуа Папуашвили - Саакашвили иан лашьа аиҿагылареи, бџьаршьҭыхрала атерриториатә акзаара аиҭашьақәыргылареи дрыхцәажәеит, ари ала шьақәирӷәӷәеит, Саакашвили маӡала атәыла аҩналара иацхрааз атәымтә тәылақәа рмаҵзура ҷыдақәа рхықәкы - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Шьалуа Папуашвили - Саакашвили иан лашьа аиҿагылареи, бџьаршьҭыхрала атерриториатә акзаар... Иҵегь аҭагалара Шьалуа Папуашвили - Саакашвили иан лашьа аиҿагылареи, бџьаршьҭыхрала атерриториатә акзаара аиҭашьақәыргылареи дрыхцәажәеит, ари ала шьақәирӷәӷәеит, Саакашвили маӡала атәыла аҩналара иацхрааз атәымтә тәылақәа рмаҵзура ҷыдақәа рхықәкы 13:09, 21.11.2023 «Михеил Саакашвили хықәкыс имоуп Қырҭтәыла аҭагылазаашьа аилаҩынтра», — иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили. Иажәақәа рыла, 2021 шықәсазы Саакашвили маӡала атәыла аҩналара иацхрааз атәымтә тәылақәа рмаҵзура ҷыдақәа рхықәкы еилкаауп. Шьалуа Папуашвили Саакашвили иан лашьа, Ҭемыр Аласаниа иҟаиҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит. «Абахҭа дыҟазаауа, Украина ма Америка дыҟазаауа, хықәкы хадас имоуп Қырҭтәыла аҭагылазаашьа аилаҩынтра. Иан иашьа иқәгылара шәазыӡырҩит, уи бџьаршьҭыхрала атерриториатә акзаара аиҭашьақәыргылареи дрыхцәажәеит. Ари ала шьақәирӷәӷәеит, 2021 шықәсазы Саакашвили маӡала атәыла аҩналара иацхрааз атәымтә тәылақәа рмаҵзура ҷыдақәа рхықәкы», — иҳәеит Папуашвили. АПОЛИТИКА Темыр Аласаниа Шьалуа Папуашвили 3 Еиҧшу Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла европарламентарцәа рцәахыхратә ҳәамҭақәа рыдгылара мап аҵәнакыроуп, ари аҟаҵаразы аамҭа ааит Шьалуа Папуашвили – Америкеи ҳареи ҳстратегиатә партниорра аекономикеи, ауаа рыбжьара аимадареи, авизада анеиааиреи, ишиашо авиареисқәеи, аинвестициақәеи ирныҧшроуп Шьалуа Папуашвили - Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рдонорцәа ирароуп, атәылантә ҳдәылцреи, атәыла рхала анапхгараҭареи аума ирҭаху, аӡбарҭа аилазаашьа ашьақәырӷәӷәара атәым тәылақәа ирусым Шьалуа Папуашвили - Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи разықәԥараҿ украинатәи жәлар рфырхаҵара иҿырԥшыгоуп, ари еиҟарам аибашьраҿ Қырҭтәыла Украина адгылоит Шьалуа Папуашвили - Адонорцәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит, апартиақәа рфинасркра иадҳәалоу NGO ԥаршеиқәа раԥыхра иазкны, ақырҭуа партиақәа атәымтә ԥара анроуа, ари Қырҭтәыла асуверенитет еиланагоит Шьалуа Папуашвили - Аиункерцәа рҭоурых еснагь иҳгәаланаршәоит ақырҭуа милаҭ ампыҵахалара ахаан шақәшаҳаҭуам Шьалуа Папуашвили - Ҳԥыза-министр иеиԥш, актәи авизила Бриуссель саҭааит, Саакашвили раԥхьаӡатәи ивизитла Москва ддәықәлеит Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла евроатлантикатә қәыԥшылараҿ аинтеграциазы алшо зегь ҟанаҵоит - абри ауп Бриуссель ашҟа ҳашьҭымҭа хада Шьалуа Папуашвили NDI алхратә жәларбжьаратә анаԥшратә миссиа ахаҭарнакцәа дырԥылеит Шьалуа Папуашвили - "Ақырҭуа гәахәтәы" алхрақәа рҿы аиааира шаго аӡәгьы агәыҩбара имам Амш зеиҧшрахо 4° ашә Қaрҭ аҩ 3° Ах 5° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Ингушетиатәи ақалақь Карабулак кыаамҭалатәи бџьаршьҭыхлатәи аидыслара ашьҭахь, иршьит фҩык аибашьцәа Мака Боҷоришвили Европарламент аҿы аиԥыларақәа лыман Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, Ҟрымтәи адгьылбжьахабжьа аганахьала адронқәа рыла ажәылара мҩаԥган, урыстәылатәи аҳирхьчаратә мчқәа 38 дрон карыжьит
https://1tv.ge/lang/ab/news/sh%D1%8Calwa-papwashvili-saakashvili-ian-lash%D1%8Ca-aitchvagmlarei-bj%D1%8Carsh%D1%8C%D2%ADmxrala-aterritoriat-akzaara-ai%D2%ADash%D1%8Caqmrgmlarei-drmxtcazhei/
2024-03-04T01:07:29Z
<urn:uuid:84c7d883-cb12-4cbc-bdf1-b5a80cdb23b7>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.65
0.96
46
6,081
tlsh:T155AB5AC17A44D70BC473C6998F9189317C926903871273A0CE82F8711A1609EDFFCC13A5B9E90A4E209F0562D015BF121B4AFCE765FEBED7719600D51D2E34DA33A8B7C6AD
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра - Украина, адронқәа рыла, урыстәылатәи аҵакырадгьыл иажәылеит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра - Украина, адронқәа рыла, урыстәылатәи аҵакырадгьыл иаж... Иҵегь аҭагалара Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра - Украина, адронқәа рыла, урыстәылатәи аҵакырадгьыл иажәылеит 13:30, 26.11.2023 Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҿы ишырҳәаз ала, Украина, адронқәа рыла, урыстәылатәи аҵакырадгьыл иажәылеит. Аусбарҭа адыррала, иаха 24 адронқәа иқәырхит. Аҳәамҭа ишану ала, аҧырҩы дызмам аппаратқәа иқәхын Ацентртә федералтә округ 4 регионк — Москватәи, Тулатәи, Калужтәи, Бриансктәи атәылаҿацәқәа рханы. Ажәылара амшала, аҳҭнықалақьтә аҳаирбаҕәазақәа Домодедовои Внуковои русура аанкылан, уажәазы арҭ аҳаирбаҕәазақәа аусура еиҭалагеит. Аибашьра Украинаҿ урыстәыла-украинатә еибашьра 6 Еиҧшу Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп Украина ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа Бахмуҭ ахырхарҭала ҧхьаҟа ицан, анхарҭатә пункт Ивановское хәҭак ааныркылет Урыстәыла ала Харьков аракетатә ажәылара амшала аҭырқәа журналистцәа аахақәа роуит Белгород алахысра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 24ҩык рҟынӡа Иаха Харьков алахысра амшала, 20ҩык иреиҵамкәа, британиатәи ажурналистгьы, ахәрақәа роуит Telegram-каналқәа рыла аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, аҕба "Новочеркасск" ажәылара амшала 33ҩык амшынуаа хабарӡа иӡит ҳәа иҧхьаӡоуп, 25ҩык ахәрақәа роуит, аӡәы дҭахеит Витали Кличко иҳәамҭала, аракетатә аахарақәа рымшала, Киев ахәыҷтәы хәышәтәырҭеи анхарҭатә корпуси аҧхасҭа роуит, 23ҩык аахақәа роуит Урыстәыла ала украинатәи ақьалақь Херсон алахысра амшала аҭынчуаҩк дҭахеит Иаха Урыстәыла 12 адронқәеи амҵәыжәҩатә ракетеи рыла Украина иажәылеит Амш зеиҧшрахо 10° амҽ Қaрҭ ашә 11° аҩ 14° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/wrmstmla-atmlax%D1%8Cchara-aministrra-wkraina-adronqa-rmla-wrmstmlati-acakmradg%D1%8Cml-iazhmleit/
2024-03-03T06:19:33Z
<urn:uuid:99bb34e9-02a9-48da-a078-7cbe91ec4d69>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.63
0.95
46
4,674
tlsh:T1DC386FA16740DB4FC9B3C15D8E918E352DD1694B5722B2A0CED6F8B52795598EEFCC03A9FAFC444E609B0402D162BF111609ECDA18BEBAD7601340E46E2E24ED37D876C5DF
Аԥсны амаинингтә фермақәа раҿыхра - иахьазы аҵыхәтәантәи ажәабжьқәеи ари атемала ахҭыс хадақәеи - Sputnik Аҧсны Аҧсны аԤс Sputnik АбхазиярусSputnik АҧсныаԤс Аԥсны амаинингтә фермақәа раҿыхра Аԥсны афымцамч иахьатәи аамҭазы иақәу аидара хьанҭа еиҳарак изыхҟьо акриптовалиута аиуразы амаининг аус ахьауа ауп, убри аан ари аусхкы амҩаԥгаразы азин ыҟам 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа.
https://sputnik-abkhazia.info/apsny_amainingt_fermakua-rchihra/
2024-03-04T22:16:39Z
<urn:uuid:40f2fb43-00d6-4c80-93d2-56d9c1c1dbbf>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.88
0.75
0.93
4
676
tlsh:T19B9D00012B04C64BC9B7C59A9787C93608A2584B51A2B635CE8DB6B4190334CDBBCD11F5FFDC1B54E0DB5632D4159A145D4EFCE800F4EAD3326254216D2E20C81F9132D09A
Сынтәа аҧсуа школқәа арҵагашәҟәы ҿыц ала ахәыҷқәа аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵара иалагар рылшоит. 1-4 аклассқәа ирызку, асахьақәа рыла иҩычоу ашәҟәы мазеиуп. Асахьақәа ирыцуп аҧсуа ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи ражәабжьқәеи ражәеинраалақәеи. Аҧсуа бызшәеи алитературеи арҵагашәҟәы акомплект иалоуп аҵаҩи арҵаҩи рышәҟәгьы, уи ахы инаркны аҵыхәанӡа аҧсышәала еиқәыршәоуп. Зыӡбахәы ҳәоу аус иаҧшьаргеит Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рминистрра. Дара рыла имҩаҧгаз аграфирра аконкурс иалахәын аҭыжьымҭа "Интеллект", фактла иуҳәозар, абри аҭыжьымҭа аконкурсда аиааира агеит. Аҭыжьымҭа анапхгаҩы Кахмег Кудава "Лаивпресс" акорреспондент ишлеиҳәаз ала, кыршықәса рыҩнуҵҟа аҧсуа бызшәеи алитературеи ашәҟәы акьыҧхьра дазҿлымҳан, аха, аӡәгьы аконкурс аҽалархәра иҭахымызт. Иара иажәақәа рыла, афинанстә ганахьала, абри аус аҭыжьымҭа ахашәала азаанагомызт, убри аҟынтә, усҟак интересс ирымамызт. "Абри аус аџьабаа ду ацуп. Насгьы, алагамҭатә классқәа роуп изызку. Аҧштәыла иҩычоу асахьақәа аҭахын. Аҧсуа шрифт… Насгьы, ахашәала аанагомызт, аха, уезгьы, абри аус ҟаҳҵарц ҳаӡбеит. Аус ҷыдоуп. Атанкқәеи абџьари рыла Аҧсны неишьа ҳамам. Ҳара аҵарала ҳнеироуп, ашәҟәы ала ҳнеироуп", - иҳәеит Кахмег Кудава. Аҧсуа бызшәа ахаларҵага, ацхыраагӡатә арҵагашәҟәқәа уаанӡагьы икьыҧхьын, иар хазхаҭалатәи аинициатива алҵшәа аҳасабала, екземплиарқәак иҵәахны имоуп, аха, аҭыжьҩы ишиҳәаз ала, иахьа ҳазлацәажәо ашәҟәы, ихьыҧшым Қырҭтәыла аҭоурых аҿы, аҳәынҭқарра имҩаҧнагаз аконкурс ашьаҭала аҧсуа школқәа рзы иаҧҵоу раҧхьатәи усумҭоуп. Ашәҟәы иазҧхьагәаҭоуп Егры аарцә иҟоу Аҧснытәи 13 школқәеи, иара убас, Аҧсны иҟоу ашколқәеи рҵаҩцәа рзы. Ашәҟәы Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи агриф анашьоуп, убри аҟынтә, ашколқәа абри ашәҟәы рхы иадырхәар рылшоит. "Аграфирранӡа иуадаҩӡоу апроцедурақәа ирхысроуп - аҩра апроцесс аангьы шьаҭанкыла игәарҭоит, насгьы, ашәҟәы аус адулара ианалгалакгьы аханатә игәарҭоит. Арҵагашәҟәы ацуп аҧсышәала еиқәыршәоуп арҵаҩы ирҵагашәҟәыгьы, уи арҵаҩцәа ирыцхраауеит ахәыҷқәа аҧсуа бызшәа рырҵараҿы", - иҳаиҳәеит Кахмег Кудава. Иара иажәақәа рыла, ашколтә арҵагашәҟәы Иакоб Гогебашвили иеиқәиршәаз "Дедаена" апринцип ашьаҭала иаҧҵоуп. Аусуратә процесс ҩышықәса инагӡон, аха, уаанӡа, авторцәа рыҧшаареи аматериалқәа реизгареи апроцесс мҩаҧысуан. Арҵагашәҟәқәа иравторцәоуп Ирма Осиеи Рита Амиҷба – Марҕаниа. Дара уаанӡагьы даӡәымкәа ақырҭуа шәҟәыҩҩцәа раҧҵамҭақәа аҧсуа бызшәахьы еиҭаргахьан. Ирма Осиа ишылҳәаз ала, абри апроект лгәы аздууп, избанзар, кыршықәса гәазыҳәарас илымаз аус налыгӡеит. Лара лзы аусуратә процесс аинтерес ду аҵан, избанзар, Қырҭтәыла аиҳабыра ринициативала, раҧхьаӡа акәны аҧсуа школқәа рзы арҵагашәҟәы аҧҵоуп. "Аусуратә процесс уадаҩын, избанзар, аброуп аус ахьаауаз, гхак ҟаҳҵар, ма ак бжьаҳажьыр ауан. Ажәеинраалақәеи ажәабжьқәеи алаҳхуан. Аҩ-ганкгьы ишырзыманшәалахашаз иҟаҳҵеит. Ахәыҷра, ахәмарра, аҧсаатәқәа уҳәа, анеитралтә темақәа роуп иалху", - илҳәеит Ирма Осиа "Лаивпресс" акорреспондент данлацәажәоз. Автор линицативала, ашәҟәқәа рхы иадырхәар рылшоит Баҭым инхо аҧсуаагьы. Лара ишылҳәаз ала, Ҧериа ақыҭан аҧсуаа рацәа, арҵагашҟәқәа шрымамгьы, аҧсуа бызшәа рҵоит. Ҭагалан инаркны, рхатәы бызшәеи алитературеи агриф занашьоу ашәҟәқәа рыла ирҵар рылшоит. Ирма Осиа лҳәамҭала, аҧсуа бызшәа ақәыӡӡаара иаҿуп, убри аҟынтә, абри апроект, абызшәа аиқәырхара аганахьала ахырҳагара мацара ахылҵуеит. Ашәҟәы аҧсышәала иану аинформациаҿы иарбоуп ашәҟәы шкьыҧхьу аҭыжьымҭа "Интеллект" ала, Қырҭтәыла аҵара аминистрра аҿаҵарала. Абри ашәҟәы импыҵахалоу аҵакырадгьылашҟа ишнарго, насгьы, де-факто анапхгара абри ашәҟәы атәы ирдыруоу ирзымдыруоу макьана еилкаам. Ҳара, изныкымкәа, абри азҵаарала Аҵара аминистрра ҳадҵаалахьеит, аха, уезгьы, аҭак ҳмоуит. Цәыббразы Аҧсны ашколтә уадақәа рҿы аҵара иалагоу иаламгоу, ахәыҷқәа арҵагашәҟәқәа ҿыцқәа рырҭоу рырымҭоу, уигьы ҳаздырӡом. Егры нырцә аепидемиологиатә ҭагылазаашьа цәгьоуп. Есымша 150 еиҳаны афакт ҿыцқәа аадырҧшуеит. Авакцинациа аласра маҷуп. Иахьазы Аҧсны аурыс вакцина "Спутник" мацароуп ирымоу. Гал амедицинатә персонал алаҵақәа рзыҟаҵара иалагахьеит. Арҵаҩцәа ари апроцесс ианалахәхәо идырым. Ашәарҭадара амзызла зыхьӡ ҳамҳәо галатәи арҵаҩы ишҳаиҳәаз ала, амассатә вакцинациа макьана иаламгацт, аха, арҵаҩцәақәак Гал алаҵақәа ҟарҵеит, иара урҭ дреиум. "Уажәазы Гал авакцинақәа рымам", - иҳәаиҳәеит галтәи арҵаҩы. Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аныцәгьаха, Гал анапхгара аҭыҧантәи ауааҧсыра рахь ааҧхьра ҟарҵеит Егры ацҳа аатуп, Қырҭтәыла анапхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьыл аҿы иҟоу аклиникақәа рҿы алаҵақәа ҟашәҵар шәылшоит ҳәа. Галаа алаҵа ҟарҵар рылшоит Рухтәи аковид клиникаҿы еиҿкаау алаҵа аҟаҵаратә кабинет аҿгьы. Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр адиректор Амиран Гамҟрелиӡе "Лавипресс" акорреспондент ишлеиҳәаз ала, импыҵахалоу аҵакырадгьыл иқәынхо ауаа рацәа Қырҭтәыла анапхгаара изхылаҧшуа аҵакырадгьыл аҿы алаҵа ҟарҵар рҭахуп. Ҧхынгәы 8 рзы иҟоу адыррақәа рыла, Галынтә иааиз 124ҩык алаҵақәа рзыҟаҵоуп. Апандемиа амшала ҩышықәса раҧхьа иадыркыз ацҳа ҧхынгәы 5 рзы иаадыртит "адокументқәа" змоу ауааҧсыра зегьы рзы. Уаанӡа ацҳа, аамҭа - аамҭала, ганкала иаадыртуан. Усҟан ацҳа ахысра азин рыман атәанчуааи ачымазаҩцәеи мацара. Аха, аҧара зшәоз егьырҭ ауааҧсырагьы Жәыргьыҭҟа аиасра рылшон. Нино Ҭолорaиa Нино Ҭолораиа Лаивпресс аҿы журналистс дыҟоуп 2011 шықәса инаркны. Аполитикеи, ауаҩытәыҩса изинқәеи, акультуреи, аспорти азҵаарақәеи егьырҭ ахҭысқәеи аалырҧшуеит. Қырҭтәыла ажурналистикатә етика ахартиа далахәып. Ари aмaтериaлқәa 20:09 / 14.10.2021 Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Аилыркaaрa Акоронавирус ахәбатәи ацәқәырҧеи аӡынтә сезони ҳанрызҧшу аамҭазы, атәылаҿы авакцинациа 16:34 / 23.07.2021 Иааиуа амшқәа рзы иаҳа ирацәаны ахәыҷқәа ашәыхәтәырҭа рҭаххар ҟалап, уи еиҧш ашәарҭара иҟоуп - Иуане Чхаиӡе Аилыркaaрa Акоронавирус Дельта аштамм аларҵәара ианалага ашьҭахь,адунеи зехьынџьара авирус 00:12 / 11.07.2021 Аҵара аиуразы ампыҵахалара иалсны ицо амҩа цәгьа - Галтәи абитуриентцәа ргәазыҳәара Аилыркaaрa Хышықәса ҵуеит импыҵахалоу Аҧсны иқәынхоабитуриентцәа Жәыргьыҭҟа 09:31 / 25.06.2021 Егры нхыҵ инхо ауааҧсыра алаҵа ҟарҵарцаз, Жәыргьыҭ агәҭангьы акабинет рзаадыртуеит - аҳәынҭқарра ахаҭарнак иҟны аинтервиу Аилыркaaрa Ҧхынгәы инаркны атәылаҿы аиммунизациа апроцесс дырласырц Архив Аилыркaaрa Акоронавирус Апопулиaртә Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Асоветтә репрессиақәа Ажәaбжь ҿыцқәa 11:02 / 23 Нaнҳәa Иракли Ҕарибашвили Ҟрымтәи аплатформа алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, 11:15 / 12 Нaнҳәa Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, хымчыбжь аҿҳәарала аҧкрақәак шьақәгылазаауеит Қырҭтәылагьы, адунеи аҿгьы аепидемиологиатә 12:48 / 08 Жьҭaaрa USAID-Қырҭтәыла Аҧсны иарҭеит акоронавирус аҽыхьчаратә тестқәеи адиагностикатә хархәагақәеи USAID/Қырҭтәыла Аҧсны иҟоу ахәышәтәырҭақәеи 12:44 / 08 Жьҭaaрa Чхороҵҟутәи арҵаҩы амилаҭтә ҳамҭа лоуит 2020 шықәсазы арҵаҩы имилаҭтә ҳамҭа лоуит Амультимедиa „Чеми морду“ - зықәрахь инеихьоу ауааҧсыра рзы арегион аҿы иаадыртыз раҧхьатәи ацентр аус ишауа [афото] Ахәмарраҿы зегьы раасҭа сманшәалоуп, еснагь аиааира згоит, - Ашколахь асабрадала - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит [афото] Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа, Аҭынчраҿ амузыка абжьы ахьуаҳауа „Афольклор аҩны“ [афото] Знык адамхаргьы, Жәыргьыҭ Ҭамар Авакцинациа автобус аҿы [афото] Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо „Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы [афото] 74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала Акультурa Аинтерес аҵаҵаны акарантин мҩаҧызго жәыргьыҭтәи амузыкант [афото] Covid-19 аҿагылара инамаданы имҩаҧгаз адунеитә концерт аҿы еицциз ақырҭуа аиаҳәшьцәа ашәа рҳәеит [авидео] Аҩычагаҿы иаарҧшу ашәануатә бзиабара аҭоурых [афото] Аспорт Наҭиа Гаделиа - Адунеи ачемпионс дҟалеит [афото] Аҳәса рспорт акәӡам ҳәа аҳәара иаҿын, сара маӡала азыҟаҵарашҟа сцон - амилаҭтә аизга иалоу Хобитәи аӡҕаб Европаҿы аҧхьахәқәа згаз жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа [афото] Абашатәи аӡиудоистӡҕаб Европа ачемпионс дҟалеит Жәыргьыҭтәи aштaнгист Европa aчемпионaт aҿы aџьaзтә медaл иоуит Хобтәи aқәҧaҩ aдунеи чемпионс дҟaлеит Аилыркaaрa Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Иааиуа амшқәа рзы иаҳа ирацәаны ахәыҷқәа ашәыхәтәырҭа рҭаххар ҟалап, уи еиҧш ашәарҭара иҟоуп - Иуане Чхаиӡе
https://www.livepress.ge/ap/aaa/article/40055-2021-07-19-07-42-15.html
2024-02-21T02:09:39Z
<urn:uuid:11e4c27f-3359-49d6-a21c-664f48108ce3>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.92
0.99
59
15,440
tlsh:T1830D4A627840CB4FCAB3C44DDB918A352CD168478322B270CDC9F575164506DEFFCD13A9EEE8068EB0EB1512D161BF142A4EECE929BDBAE7705240A06D3F78DD26A836D5AD
Абырзен римтәи aстиль aлa иқәҧо Хобтәи aқәҧaҩ Нугзaр Ҵурҵумиa aдунеи aчемпионaт aҿы aхьтәы медaл игеит. Афинaлтә aқәҧaрaҿы, иaрa, 59 секундк рылa, 9 : 0 ҳәa, aҟaзaх Зaкaншa дaҵaирхеит. 55 кьылa aкaпaнтә кaтегориaҿы еицлaбуaз aспортсмен, 12 шықәсaтәи aaнгылaрa aшьҭaхь Қырҭтәылa aхьтәы медaл aзaaигеит. Афинaлбжaҿы aқырҭуa aқәҧaҩ aиaпон Шоҭa Огaвa дaҵaирхеит, уaaнӡa aкитaи aурыси спортсменцәa aҵaирхеит. Нугзaр Ҵурҵумиa ҩынтә Европa чемпионс дҟaлaхьеит. Иaрa убaс, 23 шықәсaнӡa зхыҵуa aқәҧaҩцәa рыбжьaрa aдунеи aчемпион иоуп. Иaхьaзы хықәкыс имоуп aолимпиaтә хәмaррaқәa рҿы aиaaирaгaрa. Хобтәи aспортсмен изку aмaтериaл «Лaивпресс» aҿы ҵыҧхь икьыҧхьын. Ари aмaтериaлқәa 09:58 / 24.10.2021 Наҭиа Гаделиа - Адунеи ачемпионс дҟалеит [афото] Аспорт Мышқәак раҧхьа, аштангист ӡҕаб Наҭиа Гаделиа Саудтәи Аравиа имҩаҧысуаз адунеи ачемпионат аҟынтә илызгәакьоу жәыргьыҭтәи ақыҭа Риҟеҟа дхынҳәит адунеи ачемпион атитул ала. Лшьамхаҿы атравма шлымазгьы, Наҭиа лхықәкы налыгӡеит. Аспортсмен ӡҕаб лазыҟаҵаҩгьы лызгәыбылцәагьы агәырҕьара ду рзаалгеит. Қырҭтәылеи Европеи рчемпион адунеи ачемпионат аҿы 17 шықәсанӡа зхыҵуа аспортсменцәа рыгәҭа қәҿиарала дықәгылеит - ашьҭқәыцәаараҿы 85/88/91 кьылала араӡнытә медал лгеит. Ирҭрысны ашьҭыхраҿы 108/113/117 кьыла шьҭыхны, ахьтәы медал лгеит. Ҩ-хкык рыла аицлабраҿгьы 208 кьыла шьҭыхны, ахьтәы медал лган, адунеи ачемпионат аҿы Қырҭтәыла хьыӡрашәа дырҳәаратәы иҟалҵеит. Убри адагьы, аштангист ӡҕаб ашьҭқәыцәаареи ҩ-хкык рыла аицлабреи рҿы 4 – 4 кьыла рыла Қырҭтәыла арекорд еиҕьалтәит. Ишылҳәо ала, аиааира ашьҭахь, лара илзымдыуаз ауаа рҟынтәи илоуз абзиареи ажәа хаақәеигәызҭаҵагас илзыҟалан, иаҳа еиҕьны аҽазыҟаҵара далагоит. Аспортсмен ӡҕаб ишылҳәаз ала, уажәазы лара лзы аҵакы хада амоуп 2022 шықәсазы ибзианы аҽазыҟаҵара, избанзар ҳаҧхьаҟа имаҷымкәа жәларбжьаратәи атурнирқәа лзыҧшуп. „Зеиҧшҟамлац ала амотивациа ду сымоуп. Арҭ ауаа еснагь агәахәара рзаагара сҽазыскуеит“, - илҳәеит Наҭиа. Лара зегьы раасҭа бзиа илбо ақәыҧшылараҿы, Риҟетәи аспорттә зал аҿы есымша лҽазыҟалҵоит, лазыҟаҵаҩ хада Бежан Ҷиҷинаӡе илиҭо адҵақәа зегьы ишахәҭоу ала иналыгӡар лҭахуп. „Абри азал аҟынтәи ауп зегьы шалагаз, сазыҟаҵаҩ Бежан Ҷиҷинаӡе ибзоурала. Аброуп раҧхьатәи ашьаҿақәа ахьыҟасҵаз, анеҩс, амилаҭтә аизгашҟа сыргеит, аха, зегьы иреиҕьу сцәаныррақәа абри азал иадҳәалоуп. Абрахь санаауа, еснагь гәыкала сгәырҕьоит, исылшо зегьы ҟасҵар сҭахуп“, - иҳалҳәеит Наҭиа Гаделиа. Лара адунеи ачемпионс дҟалеит жьҭаара 11 рзы, Баҭым иҟалаз арыцҳара амшала Қырҭтәыла алахьеиқәҵаратә мшы анрылаҳәаз. Наҭиа абри арыцҳара даараӡа лгәы иалсит, лиааира иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа ирзылкит. Риҟетәи аштангатә школ аҵаҩцәа рҟынтәи лара лымацара лакәӡам Саудтәи Аравиа имҩаҧысуаз ачемпионат аҿы ақәҿиара зауз. Аштангист Гурам Векуа араӡнытә 3 медалк игеит, Николоз Асарҭиа аџьазтә медалки араӡнытә 2 медалки игеит. Дара авице-чемпионцәаны иҟалеит. Азыҟаҵаҩ хада Бежан Ҷиҷинаӡе иҵаҩцәа ироуз алҵшәақәа игәаҧхоит. Иара иҵаҩцәа абри аҩыза ақәҿиарақәа ахьроуз уамашәа имбеит, избанзар, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аицлабрақәа рҟынтә амедалқәа рыда ихнымҳәыцт. Аспортсменцәа апандемиагьы рҧырхагамхеит, избанзар дара еиҧҟьарада рҽазыҟарҵоит, аицлабрақәа рахь рҽазыҟаҵаны ицеит. Бежан Ҷиҷинаӡе иҳәамҭала, аспортсмен иахәҭоу аҧҟарақәа наигӡалар, игәахәтәы анагӡаразы ихы дамеигӡакәа аус иур, хымҧада ақәҿиара иоуеит. „Аспорт ахатә ҧҟарақәа амоуп, урҭ еилаугар, ухықәкы узынагӡом. Абри аус аҿы адисциплина ауп ихадоу. Зегьы рыла уеиҿказаароуп - аҽазыҟаҵара аангьы адәахьгьы“, - иҳәеит азыҟаҵаҩ хада. Иара ирхыргахьоу ауадаҩрақәа игәалаиршәеит, Наҭаиа, аспортсмен ӡҕаб лаҳасабала, абри зегьы ҷыдала илцәыуадаҩын. Наҭиа лыкәша-мыкәша иҟоу ауаа реиҳара аштанга аҧҳәыс илусым, даҽа хырхарҭак ала лхы лҧышәароуп ҳәа ирыҧхьаӡон. „Наҭиа имаҷымкәа ауадаҩрақәа дырхысит. Амҩан илҧылозгьы еснагь иларҳәон, Наҭиа абри аспорт баҭәаҳшьом, иалабхузеи ҳәа. Сара еснагь иласҳәон, абри аус аҿы бманшәалахоит ҳәа. Избанзар лара лхаҭа ари аспорт алылхит, ибҭаху ибҭахыму абри аспорт балалароуп ҳәа аӡәгьы илеимҳәеит. Лара лхала дааины, аҽазыҟаҵара далагеит. Саргьы акыр слыцхраан, адунеи ачемпионс дҟалеит“, - иҳаиҳәеит Бежан Ҷиҷинаӡе. Риҟетәи ашкол аштангистцәа рықәҿиарақәа егьырҭ аҿарацәагьы гәызҭаҵагас ирзыҟалеит, аспорт абри ахкы ашҟа есышықәса азҿлымҳара азҳауеит. Уажәазы аспортшкол иҭоуп 40ҩык аҵаҩцәа. Риҟе мацара акәымкәа, егьырҭ ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҟынтәгьы абрахь иааны рҽазыҟарҵоит. Азыҟаҵаҩ ишиҳәаз ала, апандемиа амшала агәыҧқәа еиҟәыршеит, есымша 3-4 етапла рҽазыҟарҵоит. Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла, ҳаҧхьаҟа ашкол иаҳа идуу азал аҭаххоит. Адунеи ачемпион Наҭиа Гаделиа аштанга знапы азыркыр зҭаху ақьыҭаӡҕабцәа рзы дҿырҧшыгахеит. Наҭиа дналываргыланы, даҽа ӡҕабкгьы ашкол дҭалоит, аха адунеи ачемпион ишылҳәаз ала, хара имгакәа иаҳа ирацәаны аӡҕабцәа абри аус рҽазыркуеит. 17:31 / 05.02.2020 Аҳәса рспорт акәӡам ҳәа аҳәара иаҿын, сара маӡала азыҟаҵарашҟа сцон - амилаҭтә аизга иалоу Хобитәи аӡҕаб Аспорт 19 шықәсанӡа зхыҵуа Қырҭтәыла аҳәса реизга Европа ачемпионат азы аҽазыҟаҵара иаҿуп, 18:01 / 29.01.2020 Европаҿы аҧхьахәқәа згаз жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа [афото] Аспорт Автор: Нино Ҭолораиа Ҭаҭиеи, Ҭамари, Еленеи Европа аҿартә чемпионат аҿы аҧхьахәтә ҭыҧқәа ааныркылеит. Жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа рыхҩыкгьы рспорттә 10:02 / 04.11.2019 Абашатәи аӡиудоистӡҕаб Европа ачемпионс дҟалеит Аспорт Урыстәылатәи ақалақьт Ижевск имҩаҧысуаз 23 шықәсанӡа зхыҵуа рыбжьара аӡиудо Архив Аспорт Акоронавирус Апопулиaртә Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Асоветтә репрессиақәа Ажәaбжь ҿыцқәa 11:02 / 23 Нaнҳәa Иракли Ҕарибашвили Ҟрымтәи аплатформа алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, 11:15 / 12 Нaнҳәa Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, хымчыбжь аҿҳәарала аҧкрақәак шьақәгылазаауеит Қырҭтәылагьы, адунеи аҿгьы аепидемиологиатә 12:48 / 08 Жьҭaaрa USAID-Қырҭтәыла Аҧсны иарҭеит акоронавирус аҽыхьчаратә тестқәеи адиагностикатә хархәагақәеи USAID/Қырҭтәыла Аҧсны иҟоу ахәышәтәырҭақәеи 12:44 / 08 Жьҭaaрa Чхороҵҟутәи арҵаҩы амилаҭтә ҳамҭа лоуит 2020 шықәсазы арҵаҩы имилаҭтә ҳамҭа лоуит Амультимедиa „Чеми морду“ - зықәрахь инеихьоу ауааҧсыра рзы арегион аҿы иаадыртыз раҧхьатәи ацентр аус ишауа [афото] Ахәмарраҿы зегьы раасҭа сманшәалоуп, еснагь аиааира згоит, - Ашколахь асабрадала - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит [афото] Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа, Аҭынчраҿ амузыка абжьы ахьуаҳауа „Афольклор аҩны“ [афото] Знык адамхаргьы, Жәыргьыҭ Ҭамар Авакцинациа автобус аҿы [афото] Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо „Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы [афото] 74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала Акультурa Аинтерес аҵаҵаны акарантин мҩаҧызго жәыргьыҭтәи амузыкант [афото] Covid-19 аҿагылара инамаданы имҩаҧгаз адунеитә концерт аҿы еицциз ақырҭуа аиаҳәшьцәа ашәа рҳәеит [авидео] Аҩычагаҿы иаарҧшу ашәануатә бзиабара аҭоурых [афото] Аспорт Наҭиа Гаделиа - Адунеи ачемпионс дҟалеит [афото] Аҳәса рспорт акәӡам ҳәа аҳәара иаҿын, сара маӡала азыҟаҵарашҟа сцон - амилаҭтә аизга иалоу Хобитәи аӡҕаб Европаҿы аҧхьахәқәа згаз жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа [афото] Абашатәи аӡиудоистӡҕаб Европа ачемпионс дҟалеит Жәыргьыҭтәи aштaнгист Европa aчемпионaт aҿы aџьaзтә медaл иоуит Хобтәи aқәҧaҩ aдунеи чемпионс дҟaлеит Аилыркaaрa Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Иааиуа амшқәа рзы иаҳа ирацәаны ахәыҷқәа ашәыхәтәырҭа рҭаххар ҟалап, уи еиҧш ашәарҭара иҟоуп - Иуане Чхаиӡе
https://www.livepress.ge/ap/2019-05-11-09-20-28/article/30496--aa-a-a-.html
2024-02-28T10:00:47Z
<urn:uuid:1254c1f1-df28-4133-a862-4ef05e9af738>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.88
0.9
0.97
60
13,632
tlsh:T1D4B30E520855DF5FDAB7D599DA959A766DD5595757677565DDD9F5B55695569EBFDD67A9F9ED565F75DB5566D666FB556A59FDEA697DBEE7655755556D7F75DE6AA976D5AE
Урыстәыла Украина имҩаҧнаго иҷыдоу аоперациаҿы хатәгәаҧхарала еибашьуз , аиааирагьы зхы ақәызҵаз Олег Бебиа игәаларшәара иазкыз ахәылҧаз мҩаҧган жәабран мза жәаҩа рзы, уи иалахәын аибашьҩы - аспортсмен ибзиан дыздыруаз иҩызцәа, иқәлацәа,иҭынхацәа.Гәыблыла дыргәаладыршәон. Ирҳәон еснагь изҿыҧшуаз, зыгәра газ ҩызаны дшыҟаз . Media Иҵегь ари акатегориаҟны « Идунеи иҧсахит Ҭыма Логәуа Ҳхы иаҳархәо афымцалашара ахәҧса ахшәаара ҧсыҽны имҩаҧысуеит »
https://apsua.tv/ap/news-2/item/3153-l-g-b-bi-ig-l-sh-r
2024-02-24T02:22:04Z
<urn:uuid:de698a8c-817a-4bd7-aaf8-8aae11f2d9da>
[]
[]
abk-Cyrl
0.99
0.67
0.98
3
823
tlsh:T1CAB5BC012654DA9FC9F7C5B8DEA202346CC0194782236A60CEC9F0A1A296458FFFCC134AFAF4065FF1EB1092D0917D142588DCDA587DEEF3764600AA283FA98A328139849F
Иаҳхысыз ашықәс азы дзыниаз ахҭысқәа рҟнытә еиҳа игәникылақәаз еиҭеиҳәоит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа. 01.01.2020, Sputnik Аҧсны 2020-01-01T14:36+0300 2020-01-01T14:36+0300 2020-01-01T14:36+0300 https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102582/07/1025820717_0:178:2730:1722_1920x0_80_0_0_82dbf00d2b1d773c1786b8574b1c9d7c.jpg Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 2020 Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Ажәабжьқәа ab_AB Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 1920 1080 true 1920 1440 true https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102582/07/1025820717_0:92:2730:1808_1920x0_80_0_0_73189aece0766c9be3cbbdc5623d1d98.jpg 1920 1920 true Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Sputnik Аҧсны аԥсны, ажәабжьқәа аԥсны, ажәабжьқәа - Уаԥхьа, аԥхьаҩ, сҩыза уакәзар 14:36 01.01.2020 CC0 / / Книга CC0 / / Анапаҵаҩра Иаҳхысыз ашықәс азы дзыниаз ахҭысқәа рҟнытә еиҳа игәникылақәаз еиҭеиҳәоит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа. Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik Ашықәс ҿыц ушаԥыло еиԥш ауп ишухыуго ҳәа акы хҭакны иҳамоуп. Ари "аԥҟара" рацәак сзақәшаҳаҭхом. Аҵыхәтәан иҟасҵоит аҭак, зхала зхы цәырызго азҵаара "Избан". Насгьы ҳара ҳвариант "ҽааныбзиала" сара сныҳәатә гәалаҟара еиҳа ианаалоит. Ашықәс ҿыц? Мап, изжәӡом Егьырҭ ашықәсқәа рзы аныҳәа ауха "агастрольқәа" рахь сшыҟаз исыршон, аха ҵыԥхтәи ашықәс ҿыц ус еихҳәа-еиҵҳәа саԥымлаӡеит. Сани сареи ҳакәын аҩны иҟаз. Ҳҭаацәара егьырҭ ахаҭарнакцәа Москва, Кремльтәи аԥсаӡ аҟнытә адныҳәалара ҭаҩны иаҳзаарҭиуан. Сшьыцуан ҳәа акәым, аха ҭаацәашәала аныҳәа аԥылара пату сзақәуп. Насгьы Баслахә саныҟоу, Кремль сышԥеилаҳари? Аҳәахәдеиԥш икьаҿу ажәабжь: ииасыз ашықәс иазкны 3 Ажьырныҳәа 2019, 15:40 Убасҵәҟьа пату сызрықәуп асовет киносахьақәагьы. Сан лнапкымҭа ахаа-мыхаақәа ахьрыцу азы акәу сыздыруам, аха ԥхынҷкәын 31 ауха урҭ рыхәаԥшра еиҳагьы игьамахоит. Ажәакала, саԥылеит 2019-тәи ашықәс ҿыц. Сҩызцәа, есышықәса еиԥш агәылацәа ҳнарылс-аарылсуеит ҳәа рхаԥыцқәа хуа ишысзыԥшыз, сыбжьы мыргаӡакәа "исыршәын", ахәаҭаҳәа сышьҭаланы сыцәеит. Аха анҭ амыждақәа "ауал" санарыжьуа иҟазма, адырҩаҽны сызҭадыргылаз ҩажәак рыла иузҳәом аҟнытә, Карлсон иҳәашьа: "Наҟ уи аӡбахә уаҳа ҳалацәажәарым". Ашықәс ҿыц ҳталаны ҳҿанааҳха, хәышықәса раахыс исырххоз "нокиа фонарик" санду далапатуны, схазы ҭел еибагак аасхәап ҳәа инақәыскит. Усҟан, "аинвестор" ара сыҟами, ухатә "биуџьет" уакьымсын ҳәа даақәгылеит ари заҳаз сабду. Саргьы мап-чап сҳәеит, аха аиҳабы иажәа сахыԥар иуазма. Адырҩаҽны хәылбыҽханӡа сҩызеи сареи еиҳа иара игәы иақәшәоз аҭел ԥшаауа адәқьанқәа ҳрыҩнан. Сара ахархәагақәа рганахьала уамак еилызцо сакәӡам аҟнытә, сҩыза игьама агәра згеит. Аиашазы, сагьахьымхәӡеит. Ҳазҭысуа ашықәс алагамҭа садхалацәазар ҟалап, ашықәс аҩныҵҟа еиҳа игәныскылаз ахҭысқәа реиҭаҳәарахь сиасып. Ҭакда инхаз абзиабара Баслахәтәи аҿар лымкаала ашьапылампыл аспорт хкы пату ҳзақәуп, уи аҟны иҳақәҿиозшәагьы зны-зынла ҳгәы иабалақәоит. Ааԥын алагамҭазы Аԥсны ашьапылампыл абзиабаҩцәа Рлига мҩаԥгахоит ҳәа анҳаҳа, "ашьапылампылтә қыҭа" ҳәа ҳхаҭа иаҳхаҳҵаз ахьӡ ҳарԥхашьозма, зегь раԥхьагьы асиа ҳҽанаҳҵеит. Ашьапылампылтә чымазара, мамзаргьы згәы бааԥсу ашьапылампыл 5 Жьҭаара 2019, 16:51 Ахәмаррақәа Аҟәа, ахәмарырҭатә дәы "Учхоз" аҟны мчыбжьык ахьтә знык имҩаԥысуан. Ҳамчқәа ҳрықәгәыӷуамызт ҳәа акәым, аха иҵегьы ҳаҽҳарӷәӷәарц азы акы-ҩба "трансфер" мҩаԥганы ԥшьы-хәмаррак ҳариааит. Аԥхьагылара ҳаманы ихҳаркәшеит актәи аикәшарагьы. Аха аҩбатәи аикәшараҿы инеиԥынкыланы ԥшьы-хәмаррак рҟны ҳанаҵаха, еилаҳкааит ҳара ҳшьапылампылтә сезон ацәаҳәа шкәакәа шынҵәаз. Ианыбзиаз – зегьы бзиан. Аха ианыцәгьаха – зегьы цәгьахеит. Зны амбахьчаҩ ихараҳҵеит, даҽа зны аманшәалара ҳзымхаӡеит ҳәа ҳаибажьеит, ашьҭахь аҽазыҟаҵара ахьҳацәмаҷыз иақәаҳҩит. Аха аузбекцәа ркоманда 6:0 ҳәа ҳаҟаӡамызшәа ҳаныршьаҟьа, ҽыҵга заҵәык иадамзаргьы аԥшаара заҟа иуадаҩхаз сгәалашәоит заманала. Аиааира акәӡам ихадоу, аҽалархәра ауп ҳәа дырҩеигь ҳара-ҳара ҳнеибажьан, ҳхынҳәны Баслахәҟа ҳааит. Зегь раасҭа ҳжәылаҩ иакәын згәы ԥжәоз. Амцашоура шимаз, дырхысхысуа, мчыла дҳаманы ҳцеит, ианамуӡах ҩбаҟа мпыл шԥаизҭамыршәри ҳәа ҳгәыӷны. Аҵыхәтәан, иара ихаҭа ишҳаиҳәаз еиԥш, "баша ҳфурт аӡы ажәит". Абасала, гәык-ԥсык ала ашьапылампыл бзиа иаҳбоит, аха иара ҳара ҳбаны иаанхаӡом. Акы-ҩба хҭыс Зхы еиқәшәо ауаа ааԥын алагамҭазы амшын аҟны рҽыркәабоит ҳәа сгәы иаанагомызт, аха сҩызеи сареи ҳшеицҭалара ҳәа ҳанеиса, ааигәа-сигәагьы акәымкәа, ҳаицны ҳцеит Кындыӷтәи аԥшаҳәахьы. Даҽа ҩыџьа ҳҩызцәа наԥшыҩцәас ишьҭаҳхит аусмҩаԥгатә набыцрада имҩаԥысразы. Амшын ҳҭаларагьы ҳҭыҵрагьы акы акәхеит, аха ихадоу – ҳҩыџьагьы ҳажәақәа нагӡан. Уи ашьҭахь, дук мырҵыкәа, ибзиаҵәҟьаны игәныскылаз даҽа хҭыск саниеит. Ари уажәшьҭа ааԥын аҵәамҭазы акәын. Аҽны аҩтәқәа рацәаны исыман, аха аамҭа шахызгоз, ауха асааҭ 12 рзы ауп санрыдтәала. Сусқәа зегьы рҭыԥ иқәҵаны санеилга, адәныҟа ашара иалагахьан. Х-сааҭк рышьҭахь аҵараҿы сыҟазароуп, аха маҷӡак сыԥсы сымшьар, азшьаҭараҿ самхацәон аҟнытә, схы нықәысҵеит. Хҭак еицҭазмыршәыз, мамзаргьы амҩатә ҭоурыхк 22 Ԥхынҷкәын 2018, 11:46 Смыцәац шысҳәоз, адәықәлара аамҭа шааз сырдыруа, акәукәуҳәа сҭел насхаҟааит. Ауха шаанӡа ицәамыз исахьа сымамызт. Саҳәшьа лмашьына сақәтәаны азшьаҭарахь сдәықәлеит. Аудиториаҿы стәанаҵы сааԥсара еиҳа-еиҳа исыхьӡаны сылақәа анаркырц иаҿын, аха сара сҽасҭаӡомызт. Ҳанааилгақәа, жәаминуҭк аҩны снаӡаанӡа сышԥамхацәари ҳәа схы агәра ганы, снаԥшы-ааԥшуа сдәықәлеит. Зегьакоуп, ақалақь амҩеихдақәа руак аҟны секунд заҵәык сылақәа сцәакызаап. Ианаасыртыз – иҟалашаз ҟалахьан. Анцәа ила, аӡәгьы цәҟьарак инымлаӡеит, уахьгьы арахьгьы ҳагәқәа ҭҟьеит аҟароуп. Сзысыз машьына дуун аҟнытә, уеизгьы-уеизгьы акгьы амыхьит, аха сара "сқьышә" ҭаҟәаҟәеит хар амамкәа. Ари аус аҭыԥ ақәҵаразы хәыҷык-хәыҷык амчи, алшареи агәабзиареи ныхтәхазаргьы, агәкажьра иаԥсаӡам. Уи иабзоураны амҩаҿы ахымҩаԥгашьазы инаркны, ауаатәыҩса реизыҟазаашьазы аҟынӡа исымаз агәаанагара кырӡа сеиҭахәаԥшит. Ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп ҳәа баша ажәа аҟнытә ишырымҳәарыз… Сынтәатәи ашықәс иалагӡаны иҟан агәырӷьарагьы, алахьеиқәрагьы; иҟан аҵеицәа риирагьы, иара убас ацәыӡқәагьы… Сынтәатәи ала снапы злаку аус аҟны "атәылақәа сырбгеит" сҳәар, зегьы ианреиҵаха – имцхоит, иааҳарӷәӷәар – иҟалоит ицәгьоурахаргьы. Убри аангьы, шықәсыктәи арҿиаратә нахандеи зынӡа имаџьанан ҳәа аҳәарагьы сзыгәаӷьуам. Ааи, зны-зынла хагарак санеиԥнарҟьоз ҟалалон, аха маҷк иадамзаргьы, уи ыҟамкәагьы – сақәшаҳаҭӡам. Иуадаҩуп анҵамҭак аҟны шықәсыктәи аԥсҭазаара зегьы аарԥшра. Ныҳәаха ауадаҩ абаҳҭаху, уи аасҭа сазыхынҳәуеит, ашықәс ҿыц ушаԥыло еиԥш ауп ишухыуго ҳәа, сҩымҭа алагамҭаҿы иаасгаз ацәаҳәа. Сгәанала, ашықәс ҿыц ушаԥыло еиԥш, ашықәс ҿыц ауха заҵәык ауп иухыуго. Егьырҭ амшқәа зегьы – даҽа 364 гәалашәароуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20200101/--Uakha-akha-syza-uakzar-1029127452.html
2024-03-05T00:45:10Z
<urn:uuid:365c0cc3-54a1-4a04-9931-41684c4c971c>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.68
0.93
47
11,805
tlsh:T1172BBD32CB80DB8BCAB3C519DFD289366CD0144747627760CFC5F1B527420A8FBFCC13EAEAE80659A89B1162E0917B14694DFDE9247DBBE6B0C280A46D3F38DD268471D5AF
Ахада Ладминистрациа - Саломе Зурабишвили "Парижтәи аҭынчра афорум" аҽалархәразы Франциаҟа ддәықәлеит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Ахада Ладминистрациа - Саломе Зурабишвили "Парижтәи аҭынчра афорум" аҽалархәразы Франциаҟа... Иҵегь аҭагалара Ахада Ладминистрациа - Саломе Зурабишвили "Парижтәи аҭынчра афорум" аҽалархәразы Франциаҟа ддәықәлеит 14:31, 09.11.2023 Ахада Ладминистрациа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили абҵара 10-11 рзы имҩаԥысуа “Парижтәи аҭынчра афорум” аҽалархәразы Франциа ддәықәлеит. Ахада ладминистрациа аинформациа ала, уаҵәы Қырҭтәыла ахадеи Европа ахеилак ахада Шарль Мишели Швеицариатәи аконфередациа ахада Алан Берсеи рхы аладырхәоит аимаки акризисқәеи рызҵаарақәа ирызку апанель. АПОЛИТИКА Парижтәи Аҭынчра афорум Сaломе Зурaбишвили Фрaнциа 8 Еиҧшу Афранцыз медиа – Франциа аиҳабыра аотриад ҷыдеи арратә хәҭақәеи Украина аҳәаа ахысра азин рыҭара алшара иахәаҧшуеит Ахада ладминистрациа аинформациала, Саломе Зурабишвили визитла Британиа Д ашҟа ддәықәлеит Саломе Зурабишвили - Ҩышықәса ҵит, аха Урыстәыла аиаара агара алымшеит, украинатәи жәлар реихшара алымшеит Ахада ладминистрациа - Саломе Зурабишвили Еврокомиссиа ахада акандидат статус анашьара аус аҿы адгыларазы иҭабуп ҳәа лалҳәеит Миунхен иҟоу Володимир Зеленскии Саломе Зурабишвилии аԥсшәа еибырҳәеит Ахада ладиминистрациа аинформациала, Саломе Зурабишвили Миунхентәи аконференциахь ддәықәлеит Саломе Зурабишвили аԥыза-министр иҭыԥ аҿы Иракли Кобахиӡе ишьақәырӷәӷәара иазку ақәҵара лнапы аҵалҩит Саломе Зурабишвили - Аԥаҳҵап ахартиа "Акзааратә платформа Европазы" Иракли Кобахиӡе - Аиҳабыра ашьақәырӷәӷәара ахада лнапы аҵалҩо аҵалымҩо ихадам, аконституциаҿ иаарԥшуп аконституциа елазго ахада лыҿагыларазы агарантиақәа Саломе Зурабишвили - Аоппозициаа рахь ааԥхьара ҟасҵоит, аибафара шәаҟәыҵ, ауаажәлар анигилизми агәыӷрадареи рызцәырҵуеит Амш зеиҧшрахо 10° амҽ Қaрҭ ашә 11° аҩ 14° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/axada-ladministratcia-salome-zwrabishvili-parizhti-a%D2%ADmnchra-aforwm-achvalarxrazm-frantcia-ddmqleit/
2024-03-03T06:22:17Z
<urn:uuid:8063f89b-1aeb-4c64-8f70-0c8776420c4f>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.88
0.61
0.95
46
4,837
tlsh:T155C949A12644CF0BC573C1999B9295397DD16E5A8631F221CEC9F8B52642559DFBCC03A5FEEC5D4EB09F2461D122AF101A45BCD7127DBFCB215200A15E3E34EA2788B2CA9E
«Ҧхынҷкәын азы акандидат астатус ҳарҭар ҟалап», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе. Иара иажәақәа рыла, абри аҩыза аӡбара шрыдыркыло убарҭоуп. «Астатус аиура иадҳәаланы ҳгәыҕрақәа рызҳаит, аоптимизм ду ҳалоуп, абри аҩыза адкылара шрыдыркыло убарҭоуп. Џьоукы ари афакт дара ирыбзоуроушәа аадырҧшыр рҭахуп, уи алагьы иубарҭоуп апроцесс абри ахырхарҭала ишымҩаҧысуа. Ҧхынҷкәын азы акандидат астатус ҳарҭар ҟалап», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе. АПОЛИТИКА İrakli Kobaxidze 3 Еиҧшу Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Иракли Кобахиӡе - Европарламент аҩныҵҟа ашәқәа ркны ирҳәо зегьы ақырҭуа жәлар еилыркаар, уи ҳажәлар дара рахь ирымоу азныҟәаразы анырра бзиа амазаауеит Иракли Кобахиӡе - Агәабзиарахьчара аминистр иҟны аимадара иазкны исҳәар сҭахуп, амедицинатә усхкы ахаҭарнакцәа агәынамӡара рыман, уи гәасҭеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿырҧштәалагьы Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Италиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад дылҧылеит Франциа аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит Иракли Кобахиӡе Швеицариатәи аконфедерациа ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит Иракли Кобахиӡе Павел Герчински диԥылеит Китаитәи ареспублика Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизадатә режим шьақәнаргылеит Иракли Кобахиӡе - Ареспубликатә хәшәтәырҭа ареорганизациа аанкылахоит, иашьашәалоу азинтә докумнт аус адулара ҳалагахьеит Амш зеиҧшрахо 10° амҽ Қaрҭ ашә 11° аҩ 14° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-kobaxidze-phxmntchkmn-azm-akandidat-astatws-har%D2%ADar-khalap/
2024-03-03T05:51:46Z
<urn:uuid:2e80f6f4-a587-4510-8187-fb2f051c5bee>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.6
0.98
30
3,941
tlsh:T1FC620F818900CF6BD5B3C05C8AA19A366CD17A168721B120CDD9B4B136591A8EEFCC13A9FDFC9E4E70EF1521C162BF116605ACE715BDBAD7710600601E6F34EA3B903285DF
Ахшыҩрҵара, ацәаҩашәа (мораль, алатын moralitas-атермин алагалан Цицерон ибзоурала, алатын ажәа mores «еицырзеиԥшу атрадициақәа») – ари ауаажәларра рҟны ацәгьеи абзиеи, ииашоу ииашаам уҳәа реиԥш иҟоу ахымҩаԥгашьақәа рнорма ауп иаанаго. Зны-зынла ари атермин рхы иадырхәоит еилазаарак зегьы ирзырханы акәымкәа, уи ахәҭак мацара ахь, иаҳҳәозар: ақьырсиантә хшыҩрҵара, абуржуазиатә хшыҩрҵара уҳәа реиԥш иҟоу… Иҟоуп бызшәақәак, иаҳҳәозар, аурыс бызшәаҿы ажәа ахшыҩрҵара анаҩсангьы ахархәара амоуп ажәа ацәаҩашәа (нравственность, анемец бызшәаҟны – Moralität и Sittlichkeit), арҭ аҩажәак асинонимқәа рроль нарыгӡоит лассы-лассы, мамзаргьы еиуеиԥшым аганқәа рыхшыҩрҵара алкааразы ахархәара арҭоит. Аилазаарак аҟны ахархәара змоу ахшыҩрҵара – ауаажәларратә цәаҩашәа, мамзаргьы ахшыҩрҵара ҳәа иашьҭоуп. Ахшыҩрҵара ҭнаҵаауеит хаз игоу афилософиатә дисциплина – аетика. Афилософиа[аредакциазура | акод аредакциазура] Ҳаамҭазынӡа зыӡбахә ааҩыз еицырдыруа философуп, зегь раԥхьа ахшыҩырҵара азҵаарақәа ықәзыргылоз - антикатәи аскептицизм ашкол аԥҵаҩы ажәытә мысратәи афилософ Пиррон. Пиррон арелиативизм ахшыҩырҵаратә принципқәа абас еиԥш еиқәиршәеит – џьоукы рыхшыҩырҵаратә принципқәа даҽа џьоукы ахшыҩҵак иалкааны иазгәарҭалартә еиԥш хшыҩыркратә мзызқәа ҳәа егьыҟам, ахшыҩрҵара зхьыԥшу аилазаара ауп. Џьоукы рыхшыҩрҵаратә хымҩаԥгашьа, даҽа џьоукы рыхшыҩрҵаратә нормақәа икәаԥӡа ирықәшәоит, аха даҽа ҭыԥқәаки аамҭақәаки рзы. Ахшыҩрҵаратә релиативизм инақәыршәаны, ақьиареи ацәгьеи – акы иазку аҟазшьа змоу еилкаарақәоуп. Ф. Ницше ахшыҩырҵаратә релиативизм дадгылаҩын, ҿырԥштәыс иаагозар, иара иазгәеиҭеит, атәы дызмоуи атәи рыхшыҩрҵарақәа зынӡа ишеиԥшым. Ницше аҳәамҭа ҟаиҵеит амчра знапаҟны иҟоу дара рыхшыҩрҵаратә ҵакы амазаареи рыпринципқәеи аилазаара зегьы ирхьындырҳәалон, аилазаара алахәцәа ракәзар, уи иқәныҟәон. XX ашәышықәса азбжазы афилософиа аҟны ицәырҵит ахшыҩрҵаратә гхақәа ртеориа, уи абас еиԥш аҳәон, иҟам ақьиареи ацәгьареи, иҟам ииашоуи ииашами, ауаатәыҩса ақьиареи ацәгьареи рзы ирымоу агәаанагарақәа дара ауаа рхаҭа роуп изыӡбаз, аилазаараҟны анхара рзымариахарц азы. Ахшыҩрҵаратә гхақәа рфилософиа аԥҵаҩыс дыԥхьаӡоуп австралиатәи афилософ Џьон Меки, уи ари атеориа ишәҟәы «Аетика: ииашоуи ииашами аԥҵара» («Этика: изобретение правильного и неправильного» (англ. Ethics: Inventing Right and Wrong), 1977 шықәса рзы иикьыԥхьыз аҟны дазааҭгылоит. Ахшыҩрҵаратә гхақәа ртеориа шьаҭас иамоу, Меки ишәҟәаҟны иаирбаз рахьтә, обиективра злоу мазара ҳәа акагьы ыҟам, афилософцәагьы ақьиара азы аилкаарақәа аԥырҵалар ауп ҳәа иҳәоит. Ҳаамҭазтәи афилософцәа ргәаанагара ала, аԥхьаҟа ауаа зынӡагьы ахшыҩрҵара азакәанқәа рхы иадырхәалаӡом. Антропологиа[аредакциазура | акод аредакциазура] Аҵакырадгьылтәии аимшьҭратәии Селиа Грин (Celia Green) ааимшьҭратәии аҵакырадгьылтәии ахшыҩрҵара аликаауеит. Аҵыхәтәантәи иҵоурами амапкратәии хшыҩрҵара ҳәа иазгәарҭоит: ауаҩы иҵакырадгьыл алнакаауеит, уахь иаҵанакуеит иара ихатә мазара, насгьы иара ихьыԥшу зегьы, уи аӡәы аилагарагьы азин имам. Убри аамҭазы аҵакырадгьылтә хшыҩрҵара азы азин ҟаҵоуп, избанзар ауаҩы иара иҵакырадгьыл зегьы аҟны ииҭаху ҟаиҵаларц илшоит, даҽа џьоукы рҵакырадгьыл еилаимгозар. Аимшьҭратә хшыҩрҵара абжьгаратә ҟазшьа амоуп, избанзар уи хаз игоу ауаҩы аколлективтә нормақәа иднагалоит. Арҭ анормақәа зхы иақәиҭу алԥшааратә ҟазшьа рымоуп, урҭ акультура иахьыԥшуп, убри аан аҵакырадгьылтә хшыҩрҵара здырра ҭбаау аишахаҭаны иԥхьаӡоу канттәи амапкратә императиви, Норман Геислер иабсолиутизм аԥҟарақәеи ирхьыԥшуп. Грин аҵакырадгьылтә хшыҩрҵара аҿиара адиҳәалоит аилкаара ахатәы мазареи ауаажәларратә статус аҟны аиԥшымзаара алкаареи. Агәыԥ аҩныҵҟеи уи анҭыҵи[аредакциазура | акод аредакциазура] Аӡәырҩы аҭҵааҩцәа иазгәарҭоит зны-зынла убас еиԥш ахшыҩрҵаратә ԥҟарақәа ауаа рахь ахархәара шарҭо, дара «иртәу», «иртәым» агәыԥқәа ҳәа еихшаны. Абиологцәа, антропологцәа, аеволиуциатә ԥсихологцәа аӡәырҩы ирыԥхьаӡоит «иртәу», «иртәым» ҳәа адискриминациа цәырызгаз, агәыԥ аҟны аԥсеиқәырхара ашансқәа роуп ҳәа. Ари агәаанагара шьақәырӷәӷәан имариаз акомпиутертә еволиуциатә модельқәа рҟны. Арҭ амодельқәа рҟны ас еиԥш адискриминациа иалҵшәаны гәыԥк иаҵанакуа ахаҭарнакцәа русеицура аҽарӷәӷәоит, иара убасгьы дара иртәым агәыԥ аганахьала ихшыҩырку аиӷарара цәырҵуеит. Г. Р. Џьонсони (Gary R. Johnson) В. С. Фалгери (V. S. Falger) ишьақәдырӷәӷәон, амилаҭеилыхреи апатриотизмреи ирформаны ишыҟоу ахатәии атәымуааи рыла аихшара. Џьонатан Хаидт иазгәеиҭеит, агәыԥ аҩныҵҟатәи акритериқәа рексперементалтә цклаԥшра ишарӷәӷәо аконсерваторцәа рыхшыҩрҵаратә хәшьарақәа, ус еиԥш еиҳа имаҷны ианубаалоит алибералцәа рҟны. Иҟалалоит убас еиԥш, аԥсҭазаара азы иалкаау астиль алхра, насгьы ишьақәгылоу ахымҩаԥгашьа иалкаау аԥҟарақәа еилазаарак аҟны ауаҩы арҭқәа зегьы иҵабыргны ианинарбо, аилазаара ахшыҩрҵаратә нормақәа зегь раасҭа. Акультурақәа реиҿырԥшра[аредакциазура | акод аредакциазура] Кристофер Петерсони (англ. Christopher Peterson) Мартин Селигмани (Martin Seligman) атеориеи аамҭеи ирҿырԥшны иалыркаауеит акультурақәа рзы антропологиатә дунеихәаԥшра. Дара убас еиԥш алкаақәа ҟарҵеит иҭырҵаауаз акультурақәа рыбжьара, иалкаау мазараны абас еиԥш шырыԥхьаӡо: аҟәыӷара; ахаҵара; ауаҩра; аиашара; ачҳара; адунеихәаԥшышьа аҭбаара. Арҭқәа зегьы даҽа хәҭақәак рылагьы ишоит, ҿырԥштәыс иаагозар, ауаҩра атәы анаҳҳәо уахь иаҵанакуеит абзиабара, ақьиара, аҟәышра. Аеволиуциа[аредакциазура | акод аредакциазура] Ахшыҩрҵара атеориа аҿиара апроцесс, еиуеиԥшым ауаатәыҩсатә жәларқәа рсоциалтә еволиуциа иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Аӡәырҩы аеволиуциатә биологцәа, асоциологцәа ирыԥхьаӡоит амораль ари аеволиуциатә мчрақәа ирхылҿиааз акоуп ҳәа, уи хаҭалатәи аҳаракыра мацара аҟны акәымкәа, агәыԥқәа рҟынгьы аус ауеит, агәыԥтә алкаара ахархәара ала. Социологцәақәак ахшыҩрҵара ала иарбоу ахымҩаԥгашьа даара аҽаԥсахит ҳәа иҟоу агәаанагарақәа ирықәшаҳаҭым, избанзар уи реихьӡарақәа еизнарҳауеит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа инақәыршәаны ауаа рцәаныррақәа рхыжжылара «апросоциалтә» шьақәгылашьа дырҿион, ҿырԥштәыс иаагозар, аемпатиеи ахареи реиԥш иҟоу ацәаныррақәа. Даҽа биологцәақәак ргәаанагара ала, ауаа идырҿиоз ахшыҩрҵара хаҭа акәын, альтруисттә инстинктқәа ракәымкәа. Ас еиԥш ахшыҩрҵара аилкаара иаанарԥшуеит ахеиқәырхаратәии идеологиала ишьақәыргылоу ахымҩаԥгашьа асистема. Ауаатәыҩсатә хшыҩырҵара, аилазаашьа еиҳа ишыуадаҩугьы аԥстәқәа ртәы аасҭа, зегь акоуп аԥсҭазаара иацәтәыму цәырҵрам. Ахшыҩрҵаратә кодексқәа шьақәыргылан аемоциатә цәаныррақәеи ацәалашәареи рышьаҭа ала, анкьа ишьақәгылаз ажәла алкаара ала, урҭ ирныԥшуеит аԥсеиқәырхареи аҿиареи рзы аԥышәа. Ахшыҩрҵареи аетикеи[аредакциазура | акод аредакциазура] Аетика (ахшыҩрҵара афилософиа ҳәа иара убасгьы ирдыруа) – афилософиа иахәҭоуп, ахшыҩрҵара азҵаарақәа ҭызҵаауа ауп. Ажәа «аетика» «иара ажәа «ахшыҩырҵара» иасинонимны рхы иадырхәоит лассы-лассы, зны-зынла аҵакы ҭшәаны – аморалтә принципқәеи, иалкаау гәыԥқәаки, хаз игоу ауааи рытрадициақәеи рыхшыҩрҵаратә принципқәеи ралкааразы. Етикатә теориақәак, еиҳаракгьы адеонтологиа, иалызкаауа «аетикеи» «ахшыҩрҵареи», аха абра иҳәатәуп ауаатәыҩса рыхшыҩрҵареи ретикеи аҵыхәтәаны еилкааракны ишыҟало, иҟоуп атрадициа аҟны «ахшыҩрҵара» Кант исистема иашьашәаланы ахархәара ахьамоу, ара «ахшыҩрҵара» шьаҭас иамоу ауал, аҭакԥхықәра, ахымҩаԥгашьа апринципқәа роуп. Ахшыҩрҵареи аетикеи синонимқәак раҳасаб ала лассы-лассы ахархәара рымоуп, аха ахшыҩрҵара еиҳарак адунеихәаԥшышьа ауп иаанаго, урҭ шьаҭас ирымоуп апрактика, мамзаргьы арҵара, ауаҩы еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҟны, ауаажәларра рҟны ихымҩаԥгашьа адырра, убри аан аетика апринципқәа рсистема иаҵанакуеит, афилософиеи уи атеориатә шьаҭаркреи. Ахшыҩрҵареи адинхаҵареи[аредакциазура | акод аредакциазура] Ауаатәыҩса рҭоурых зегьы аҟны адинхаҵарақәа аидеалтә ԥсҭазааразы адгалара аҟаҵара анаҩсгьы, уи ақәныҟәара аԥҟарақәа ахьуднагалоз азы, ахшыҩрҵара лассы-лассы адинхаҵаратә ԥҟарақәа ирыдрыԥхьаӡало иалагеит. Ахшыҩрҵаратә традициақәа инарҭбааны урзааҭгылозар, адинхаҵаратә хшыҩрҵара ҳаамҭазтәи ахшыҩрҵара аформақәеи реицыҟазаара аҭыԥ амоуп, урҭ рахь иԥхьаӡоуп аконсеквенциализм, зыхиақәиҭу ахәыцрақәа, агуманизм, аутилитаризм уҳәа реиԥш иҟоу аилкаарақәа. Адинхаҵаратә хшыҩрҵара ахкқәа ракәзар, даара ирацәоуп. Ҳаамҭазтәи амонотеисттә динхаҵарақәа, аԥсылманра, аиудаизм, ақьырсианра, насгьы сикхизм, зороастризм уҳәа реиԥш иҟоу роуп абзиеи ацәгьеи алызкаауа азакәанқәеи аԥҟарақәеи рыла, урҭ арбоуп иԥшьоу ашәҟәқәа рҟны, дара урҭ ауаа ирыладырҵәоит адинхаҵарақәа раԥхьагылаҩцәа рдин аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аполитеисттә динхаҵаратә традициақәа иреиҵоу абсолиутизм ахь ахшыҩҵакқәа рымоуп. Ҿырԥштәыс иаагозар, абуддизм аҟны ауаҩы ихықәки, насгьы адәныҟатәи аҭагылазаашьақәеи азгәарҭоит уи ихшыҩрҵаратә хымҩаԥгашьа ахәшьара аҭара аҟны. Адинхаҵаратә традициақәа рҟны ахшыҩрҵара егьырҭ аиԥшымзаарақәа дырзааҭгылеит Барбара Миллер (Barbara Stoler Miller), уи иазгәалҭон, аиудаизм аҟны «апрактика аҟны абзиеи ацәгьеи злеилыркаауа ауаажәларра рҟны ауаҩы иааникыло аҭыԥи, аиуареи, ақәреи рыла шакәу. Мраҭашәара ҳаамҭазтәи ауаҩы изын, адырраҭбаареи аегалитаризми рыла иааӡоу изы, ас еиԥш аҭакԥхықәреи ахьыԥшратә ҵаки – даара иуадаҩу аспектуп аиндуизм адкыларазы». Адинхаҵарақәа ахшыҩырҵаратә дилеммақәа рыӡбаразы ирацәоуп ирыдыргало амҩақәа. Иаҳҳәозар, аиндуизм аҟны иаахҵәаны ауаҩы ишьразы азин ҟазҵо хшыҩрҵарак ыҟам, уа иазгәарҭоит «иалкаау аҭагылазаашьақәа рҟны ауаҩы ишьра узацәымцар ҟалоит, избанзар уи ада ԥсыхәа ыҟамызт усҟантәи аамҭазы», – ҳәа. Амонотеисттә традициақәа рҟны иалкаау усқәак ирыхәаԥшуеит дкылашьа змам ракәны, иаҳҳәозар, аԥҳәыс лыҽԥыргареи аилыҵреи реиԥш иҟоу. Адинхаҵара еснагь ахшыҩырҵара иҵоураны иамадам. Афилософ Давид Иум иазгәеиҭон: «Ацәгьоура дуқәа анцәа иахьырхәра иацәшәаны иҟаҵаз ракәын ҳәа ирыԥхьаӡон; убри аҟынтә ишәарҭам ҳәа иԥхьаӡам ауаҩы ихшыҩрҵара азы лкаақәак рыҟаҵара, иара идинхаҵаратә қьабзқәа рыџьбарареи игәацԥыҳәареи ирыхҟьеит ҳәа азгәаҭаны, иара гәыкала уи агәра игозаргьы». Адинхаҵаратә хшыҩрҵареи ахшыҩрҵаратә позициеи еиԥшымзар алшоит, ауаҩшьра, амассатә хәымгарақәа, атәтәра азҵаарақәа ианырхьыԥшу. Ҿырԥштәыс иаагозар, Саимон Блекберн (Simon Blackburn) иазгәеиҭоит: «Аиудаизм адгылаҩцәа акастатә система адгылара ииашоуп ҳәа рыԥхьаӡоит, аԥсылманра адгылаҩцәа ракәзар, даара имчу ашьаустә кодекс, мамзаргьы аҳәсеи егьырҭ адинқәа ныҟәызгои рахь азыҟазаашьа бааԥсы ииашоуп ҳәа иазхәыцны иадгылоит», – ҳәа. Ақьырсианра атәы дазааҭгыло, Саимон Блекберн иазгәеиҭоит: «Абиблиа аҟны иуԥшаарц алшоит ахәыҷқәа ирзырхоу агәымбылџьбарара, еиҳаракгьы хшыҩла иаҩцам рахь, аԥстәқәа рахь, еилыҵны иҟоу рахь, анцәа дхазымҵо рахь, еиуеиԥшым асексуалтә ҟазшьаҷыдарақәа змоу рахь, насгьы зықәрахь инеихьоу аҳәса рахь». Иара убасгьы иҳәоит ауаҩы ихшыҩрҵарқәа рахьтә гәыҩбара узҭо ацәаҳәақәа шуԥыло Ауасиаҭ Ҿыц аҟны. Ақьырсианра адгылаҩцәа Блекберн иқәгылара ахҳәаа азыҟаҵо иазгәарҭоит, дара ргәаанагарала, ауриацәа рзакәанқәа Аԥшьашәҟәы аҟны ахшыҩрҵара аеволиуциа аанарԥшуеит ҳәа имчымхоу рыдгыларазы, уа иазгәаҭоуп атәцәа иҽеимкәа ирызныҟәо рахьырхәра (ашьра аҟынӡа), атәцәа ракәзар, еиҳа-еиҳа, хатә мазарак еиԥш акәымкәа уаҩԥсҵас рзыҟазаара иазнеиуеит. Елизабет Андерсон (Elizabeth Anderson), Мичигантәи ауниверситет афилософиеи афеминологиеи рпрофессор лгәаанагарала, Аԥшьашәҟәы абзиагьы ацәгьагьы унарҵоит ҳәа, насгьы ари аԥшьаҩыра хшыҩырҵарала иԥкааны иҟам ҳәа лыԥхьаӡоит. Агуманистцәа, Пол Курц (Paul Kurtz) иеиԥш иҟоу, агәра ргоит иалкаау ахшыҩрҵаратә ҵакқәа хаз игоу культурақәак рҳәаақәа ирҭыҵуеит ҳәа, иара игәаанагара ала, уи убарҭоуп иуниверсалтәу зхаҵарак анаҩсгьы, иԥсабаратәым зхаҵарак аҳасаб алагьы иубарц шалшо. Аиашара, аартра, аԥсыцқьара, абзиа азеиӷьашьара, аҵабыргра, агәаанагара аҳәара, арҭ зегьы хыҵхырҭазар ауеит адинхаҵаҩцәеи анцәа дхазымҵои рыбжьара аилибакаара аԥшаара азы ҳәа азгәарҭоит. Ахшыҩрҵаратә кодексқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Акодификациатә хшыҩрҵара иаабац ахшыҩрҵара излеиԥшым (ауаажәларра аҟны агәазыҳәара змоу амҩа алкаара) уи ауп, иара ахатә нормақәа алнакаауеит: ишиашоу иԥсабаратәу анормақәа, мамзаргьы ауниверсалтә принцип анормақәа. Адинхаҵаратә еилазаарақәа рҟны, аԥааимбар арҭ апринципқәа иоуеит агәаартра ала ҳәа иԥхьаӡоуп, иазгәаҭатәуп арҭ апринципқәа иалкаау шракәу. Урҭ иааизакны ишьақәдыргылоит ахшыҩрҵаратә кодекс (даҽахьӡык: аетникатә кодекс) – аԥҟарақәа рсистема, ҵакы змоу асистема инақәыршәаны иахәҭоу ахымҩаԥгашьа шьақәзыргыло. Ахшыҩрҵаратә (аетикатә) кодексқәа ҟалар ауеит адинхаҵаратә, адунеихәаԥшратә, апрофессионалтә, акорпоративтә, аспорттә уҳәа уб. егь. Адинхаҵаратә хшыҩрҵара акодекс иаҿырԥштәқәаны иԥхьаӡоуп: Ацәаҩашәа ахьтәы ԥҟара («ахгәарԥхаратә етика»); Аиудаизм, ақьырсианра, аԥсылманра ауасиаҭқәа жәаба; Нои иимшьҭра рзакәанқәа быжьбеи 613 уасиаҭ аиудаизм аҟни; Иԥшьоу ауасиаҭқәа хәбеи абуддизм ахь аантәыракратә мҩеи; Ажреи ижрами аиндуизм аҟны; Даосизм аԥҟарақәа жәаба; Ажәытәӡатәи мысратәи акодекс Маат; Апрофессионалтә кодексқәа рҿырԥштәқәа – Бусидо, Гиппократ иҭоуба, ажурналист Идунеихәаԥшышьа (Кредо). Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] [1] [2] [3] [4] Green, Celia (2004). Letters from Exile: Observations on a Culture in Decline. [5] [6] [7] [8] [9] [10] [11] [12] Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Ахшыҩырҵара&oldid=110667 Акатегориақәа: Афилософиа Аетика Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 08:27, 6 мшаԥымза 2021. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%85%D1%88%D1%8B%D2%A9%D1%8B%D1%80%D2%B5%D0%B0%D1%80%D0%B0
2024-02-29T11:45:37Z
<urn:uuid:3be5ca8a-2b17-46c3-9462-992ee4390b3b>
[ "footer", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.96
0.6
0.97
25
24,418
tlsh:T117618BB27D40DB5BC273C1888BA1893528D168038323B270DEC9F4752506499EBFCD13EAFBF94A5AA09B1521D152BF10A91AFCEA51BE2FE771D240E62D6F38DD136472D69E
Аԥшьаша, жәабранмза 8 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва усуратә визитла иҟазаара инҭагӡаны имҩаԥысит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови иареи реиԥылара, – адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. Аслан Бжьаниеи Сергеи Лаврови Аԥсни-Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Аҟармаҵыс бжьы зхаз 13 Жәабран 2024 Аҧсны жәлар рартистка, «Аҧсуа ҟармаҵыс» ҳәа изышьҭаз, раҧхьаӡатәи аоператә шәаҳәаҩы Лиудмила Логәуа лыҧсҭазаара зегьы амузыка иазылкит, лхатәы насыҧ дашьҭамлаӡеит, аҭаацәара аҧылымҵаӡеит. Аҧсны акультура аҭоурых наунагӡа лышьҭа анылҵеит, ҳтәыла амузыкатә ҭынха ауасхырқәа дреиуахеит. «Ашәаҳәаҩ ду, зҟазара ҭбааз, зус бзиа избоз зыҧсы ахҭнызҵоз», – абас Лиудмила Логәуа илыхцәажәоит уи ибзианы дыздыруаз, аус лыцзухьаз ауаа. Ахара сыдым 13 Жәабран 2024 Аԥсуа жәлар иарбан ҭоу­рыхтә аам­ҭазаалакгьы рҿахәҳәаҩцәа, зыжәлар рыԥсҭазаара зыԥсҭазаараз ауаа хатәрақәа рылиаауан. Убарҭ ируаӡәкыз, аԥсуа қыҭа Лыхны 1883 шықәсазы ииз, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы Аланиа Дмитри Иван-иԥа диижьҭеи 140 шықәса ҵит. Аҿар рырҿиаратә хеидкыла 13 Жәабран 2024 С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥысит Москва инхо, аҵараиурҭақәа ирҭоу аҿар рымчала еиҿкаау Аԥсны аҿар рырҿиаратә хеидкыла аӡыргара. Уи иалагеит Аԥсны агимн арҳәарала. Асоциалтә бызкаҭаҳақәа рнырра 08 Жәабран 2024 Ишдыру еиԥш иахьатәи ҳаамҭазы, ауаҩы иԥсҭазаараҿы асоц­иалтә бызкаҭаҳақәа инарыгӡо ароль хымԥада даара ирацәоуп. Ишақәнагоу ахырхарҭала зхы иазырхәо рзы даара ихәарҭа дууп ҳәарада, аха убри аан иҟоуп иахьҽеимгьы. Раҧхьатәи ацҳаражәҳәаҩ 08 Жәабран 2024 Игор Ахба ихьӡ, Аҧсны еиҧш, анҭыҵгьы ирдыруеижьҭеи акыр ҵуеит. Ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы 1991 ш. ииун акы инаркны Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аҧсны ахаҭарнакс дыҟан, 2008 ш. нахыс – Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ гәрагас аус иуит 2021 ш. рзынӡа. Аԥсны ажәытәхаҳә аамҭазы 08 Жәабран 2024 Аҧсны - агеи-ашьхеи ирыгәҭылаку атәыла ссир. Ҳаҧсадгьыл аҭоурых ду, адунеи аҭоурых иахәҭакуп. Араҟа шьахәла иаарҧшуп ауаҩытәыҩса дызнысыз аамҭақәа зегьы. Неиҧымкрада, шәышықәсала ҳхылҵшьҭрақәа иахӡыӡааны ркультура абиҧарала еимырдон.Аҧсны ауаҩы иҧылоит азқьы­шықәсақәа ирықәлоу абаҟа ссирқәа. Адунеи аҳәынҭқаррақәеи ажәларқәеи, асеиҧш аҭоурых ҵаула иахыҽхәартә измоу, рхыҧхьаӡара рацәам.
https://gazeta-apsny.info/?start=35
2024-02-24T16:56:57Z
<urn:uuid:d4fa806e-8e49-4f58-85db-3465f2792147>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
1
0.99
12
4,118
tlsh:T12AABCB81BB80CB4FC2B7C099DB914A356DD1285643327260CEC5F0A05682099EEFCD13A9F7E8169A34EB1222D162BE15694EECF529BDAFD3719700A53D3F34DD3B543AC19E
Абри анҵамҭа аекран-ҭбаа аформат ала шәахәаԥшырц ишәабжьаҳгоит, Фредерик Диубуа де Монпере иҭихыз Аԥсны асахьақәа гәылҭәааны иаатырц азы* Афранцыз хылҵшьҭра змаз швеицариатәи аныҟәаҩ Фредерик Диубуа де Монпере XIX-тәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Кавказ ахыи-аҵыхәеи еимидеит, Аԥсынгьы даҭааит. Иахьа уажәраанӡа Диубуа иҟаиҵаз Кавказ, нас уи иқәынхо аҭыԥантәи ауааԥсыреи ирызку анҵамҭақәеи асахьақәеи даараӡа аинтерес рыҵаны иаанхоит. Де Монпере Фредерик Диубуа диит 1978 шықәса, лаҵарамза 28 рзы, афранцыз бызшәала иахьцәажәоз Швеицариа мраҭашәаратәи ахәҭаҿы иҟоу Невшатель акантон (тәылақәак рҿы иҟоу административтә-ҵакырадгьылтә ак – аред.) аҟны. Аамҭак ашьҭахь Фредерик ижәла иациҵоит аԥынгылацҵа «Де Монпере», аҭауад жәла Диубуаа ахьынхоз аҭыԥ ахьӡала. Убас ала, аныҟәаҩ Фредерик Диубуа де Монпере ихьӡ еилкаатәуп – Монпере иатәу Фредерик Диубуа ҳәа. Невшатель аҟны Фредерик иаб Шарль Диубуа ахәаахәҭра аус инапы алакын. Иан илыхьӡын Мари-Анн Ларди де Оверние. Диубуа ихәыҷреи иқәыԥшреи мҩасит Невшательтәи аӡҭачы азааигәара. Невшатель иҟаз аколлеџь даналга, Фредерик аамҭак азы афранцыз бызшәа арҵаҩыс аус иуан швеицариатәи ақалақь Санкт-Галене, уи ашьҭахь нхара ҳәа диасуеит Курлиандиаҟа (иахьазы Латвиа аҵакырадгьыл – аред.), уаҟа ааӡаҩыс аусура далагоит. 1892 шықәсазы Фредерик Диубуа дҭалоит Берлинтәи ауниверситет. Уаҟа рҵаҩцәас иман усҟан еицырдыруаз аҵарауаа: агеограф Карл Риттери, агеолог Леопольд фон Бухи. Фредерик идунеихәаԥшышьа ашьақәгылараҿы анырра ду аиҭеит Риттер – анемец ҵарауаҩ, агеографиатә ҭҵаарадырра ашьақәыргылаҩ, Џьамтәыла адырҩы. Иара иоуп аныҟәарақәа рахь Фредерик агәацԥыҳәара изцәырызгаз. Диубуа иатлас Раԥхьаӡакәны Фредерик Кавказ даҭааит 1833 шықәсазы. Араҟа иибаз, иаҳаз зегьы нҭырҳәцааны ианиҵоит ф-томкны иҭижьыз иусумҭа «Кавказ ахи-аҵыхәеи акәшара. Ачерқьесцәеи, аԥсуааи, Қырҭтәылеи, Ермантәылеи, Ҟрыми раҭаара» ҳәа хьӡыс измаз аҟны. Иара убасгьы, аҭыжьымҭа иацын атлас – уи ианылаз аҭыхымҭақәагьы реиҳарак Диубуа ихаҭа иоуп иҭызхыз. Диубуа иатлас аламала иуԥымло ҭыжьымҭаны иҟалеит. Иахьазы х-цыра заҵәык амузеитә експонатқәа ирхыԥхьаӡаланы иҵәахуп – Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә географиатә еилазаареи (Санкт-Петербург), Гьеленџьыктәи аҭоурыхтә-атәылаҿацәҭҵааратә музеи рыҟны. Диубуа де Монпере иатлас аҟны иарбоуп усҟантәи аамҭазтәи Кавказ ахсаалеи, 70 инареиҳаны Кавказ аԥсабара сахьақәеи, апеизажқәеи, даараӡа ирацәоуп архитектуратә баҟақәеи, агеологиатә дыррақәеи ирызку аинформациагьы. Кавказҟа 1831 шықәсазы Диубуа даауеит Урыстәылаҟа, уаантәи иаарласны ихы ирхоит Ҟрымҟа, анаҩс – Аахыҵ Кавказҟа. Урыстәылатәи арратә ӷба дацны, аныҟәаҩ дахысит, иблақәа рылагьы ибеит Кавказ иаҵанакуаз Амшын Еиқәа аԥшаҳәа зегьы. Анаҩс, Париж иҭыҵыз Диубуа иныҟәарақәа реихшьала знылаз аизга азы ианашьахоит Афранцыз географиатә еилазаара ахьтәы медал. Уи азин инаҭеит Швеицариа иҟаз Невшательтәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа археологиа акафедра напхгаҩыс дҟаларазы. Апоет, аромантик Фредерик Диубуа Аԥсны иазку ианҵамҭақәа зегьы даараӡа аинтерес рыҵоуп: еиуеиԥшым афактқәа, азгәаҭарақәа, ажәабжьқәа. Фредерик иныҟәара далагеит Гагра ақалақь ала. Ари ақалақь дахәаԥшуан аӷба аҟнытә, арахь иаашьҭыз аурыс декабристцәа рыԥсҭазаара дазхәыцуан. Ихәыцрақәеи ицәаныррақәеи рнубаалатә иҟоуп абарҭ ицәаҳәақәа, игәыҭшьаагоу апоезиатә цәаҩа зхоу: «Абри аҩыза аимгеимцарақәа раан угәы еиуеиԥшым цәаныррала иҭәуеит. Гәыхьрадеи гәхьаагарадеи урыхәаԥшуеит зынџьырҵас еивҵаԥсоу ашьхақәа, зықәцәақәа сыла ихҩоу. Арҭ ашьхақәа злахҟьоу ижәытәӡатәиу абнарақәа зынӡа ихьшәашәоушәа угәы иабоит (Ашьха ашьапаҿы ирызҳауеит иблахкыгоу абӷьы иаҵәа змоу аҵлақәа – ахьаца, ашә, аџь, иссирӡоу аҵиаақәа; аҳаракырахь аԥсақәа рацәоуп). Ари зегьы иузцәырнагоит агәрагара – иахьа акәызшәа адунеи аншаз, абраҟагьы акәызшәа иара ахьшаз. Амра аҭашәамҭаз, аԥшалас анаҿало аамҭазы, аҳауа цқьа уанеимнадо, агагақәа анаухо, ауаҩы зеилкаара дашьҭоу амаӡақәа иреиԥшны, ашьшьыҳәа игыло амза аҭынчреи агәыраҳаҭреи алашара иацны ианканарҷоҷо, абарҭ аԥсабара асахьақәа зегьы ацәқәырԥақәа ирыцзазо аӷбантә ианубо – убри оуп иссиру аԥхыӡ!.. Зтәыла иахырцаз арыцҳа! Насыԥ ду умоуп ҳәа иԥхьаӡа, знык иадымхаргьы Гагра ацәаара унахьыԥшызар, уи уацәыхарахацыԥхьаӡа Кавказ ашьхеибаркыра ишалаӡуа убахьазар. Умҩа нымҵәааит узҭаху, иуҭаху рыбжьара уҟалаанӡа!» Абнараҿ игылоу ауахәама Абар уажәшьҭа Фредерик Пицунда аҟәараҿы дааины дыҟоуп. Уаҟа иҽазҵәылхны дашьҭоуп зыӡбахә иаҳахьаз ижәытәӡоу ауахәама. Аныҟәаҩ абас еиԥш дахцәажәоит Пицундатәи ауахәамеи, уи изцәырнагаз ацәаныррақәеи: «Аԥшьыркца асахьа змоу, ашьарсҭақәа ирганы иҟоу аҭӡы агәашәқәа ҳарҭысын, абар зегь реиҳа иблахкыгоу, илаламбатәу абаа хыжәжәарақәа рҿаԥхьа сааины сгылоуп. Абри аныхабаа аӡбахә бзиа саҳахьан, аха сыблала избаз акырӡа иаҳа иџьашьахәуп, сыззыԥшыз аасҭа – Аԥсны аԥсабара аиаҵәара иагәҭылаку ари астиль аамысҭашәареи агәаӷьреи уаршанхоит». Диубуа де Монпере инҭырҳәцааны ауахәама аргылашьа атәы далацәажәоит. Иагьазгәеиҭоит, лассы-лассы римтәи ҳәа ззырҳәало, византиатәи астиль инақәыршәаны ишыргылоу ауахәама, нас уи европатәи ауахәамақәа ирҿырԥшуа убасгьы иҩуеит: «Пицундатәи ауахәама аҭагылазаашьа атәы сҳәозар, сара Пицунда саныҟаз избаз ахыбра, ҳәарада, аиҭашьақәыргылара ауеит. Амацәыс заахаз аҟәырӷ акылҳареи, ибгаз хыхьтәи аҿаԥшьи рыда, ауахәама еицакра амамызт, еиқәханы игылоуп». Баслаҭа Анаҩс, ааԥсарак ззымдыруаз аныҟәаҩ Аҟәа ақалақь дынхықәгылоит. Усҟантәи аамҭазы Аҟәатәи амшын аԥшаҳәа рацәак улаԥш аҿы иааиуа иҟамызт, Диубуа иакәзар – иҟаз шыҟаҵәҟьаз иҩуан, ажәа ҵарқәагьы ихы иаирхәон. Ҳәарада, аԥсабара арҽхәара мацарала ишьақәгылоу анҵамҭақәа ирышьҭоу изы, Диубуа иажәақәа рыдкылара азныказы ицәыуадаҩхаргьы ҟалап, аха аныҟәаҩ аҵабырг дашьҭан. «Ари аиашарҭа хәыҷы, аҭбаарала 1 ½ верс иҟоу, мрагыларахьала абаа инаркны ахәқәа рҟынӡа, уажәтәи акарантин ҟалаанӡеи аҩнқәеи аџьармыкьақәеи рыла иҭәын. Усҟан Аҟәа инхон ф-нызқьҩык раҟара ауааԥсыра. Хаҳәла ичаԥаны иҟаз ашьҭрала акварталқәа зегьы ирылсны ицон аӡиас Баслантә иаауаз аӡы. Аӡиас аӡхырԥԥаҿы қьырмыҭла иҟаҵан аӡеизакырҭа – Ҭырқәтәылантәи иаауа аӷба хәыҷқәа рзы. Ижәытәӡаз Аҟәа иамҭаны акгьы аанымхаӡеит, абнара иахаԥаз аҩнқәеи амҩадуқәеи рыда; амшын аганахьала ақалақь зыхьчоз аҭӡы аҟынтәгьы инхаз хәҭа-хәҭала иуԥылоз цәынхақәак роуп; аӡы зҭаланы иаауаз аканалқәа агәамсам рҭачны иҟан; абаа иаакәыршаны ижыз ажра ҭыԥқәак рыҟны иахаҵәо адгьыл ҭаԥсан; зымҩа нкылоу аӡиас Баслаҭа аӡбаарақәа арҿиеит;аԥхынра ианасакьаҳәымҭоу аӡбаарақәа ирхылҵуа ахылҩа-ԥсылҩа, ҳәарада, агәабзиаразы иҽеим аҭагылазаашьа аԥнаҵоит. Николаи ацқьа ибаа, мамзаргьы Поти раамышьҭахь, Урыстәыла иатәу Амшын Еиқәа аҿықәантәи аҭыԥқәа зегь рахьтә реиҳа иманшәалам акәны иҟоуп Аҟәа. Шәҩык рыла ишьақәгылоу агарнизон аҿы зегь чмазаҩцәоуп, ргәабзиара даараӡа иуашәшәыроуп. Ари аҩыза аҭагылазаашьа аԥыхра мариаӡоуп – Баслаҭа аканалқәа зегьы рыцқьазар, аӡбаарақәа ҭарбазар, ҳәарада, Аҟәа ауаҩы игәабзиаразы ибзиоу ҭыԥны иҟалон, амшын иаҿықәу иарбан қалақьзаалак еиԥш. Аха ари аҩыза аус знапы азыркуада умҳәозар…» Диоскуриа ԥшаауа Фредерик Диубуа де Монпере иҽазишәахьан ҳера ҟалаанаӡа VI ашәышықәсазы абырзен колонизаторцәа иаԥырҵаз илегендартәу ақалақь Диоскуриа Аԥсны иахьыҟаҵәҟьаз аҭыԥ ашьақәыргылара. Иара игәаанагарала, ижәытәӡатәу ақалақь гылан дызҭааз Сухум-кале мрагыларатәи аган ала. Уи азҵаара дазхәыцуа, Диубуа абас иҩуан: «Уамашәа иубаргьы алшоит, Милет ақалақь иалҵыз Диоскуриа ашьаҭаркыҩцәа Аԥсны зегьы иреиҳау аӡиас Кәыдры аԥшаҳәа ахьалрымхыз, уи ахаҭыпан аӡиас хәыҷы иаҳа изырҭахха. Аҭыԥантәи ауааԥсыра, ари аӡиас рацәак агәхьаа мкыкәа Искуриа, Цхузамели, ма Мармар ҳәа иашьҭоуп. Убраҟоуп, иссиру абнара амҵан, ҳара иахьаҳбо аԥсуа қыҭақәа. Араҟа ирызҳауеит ашәҵлақәа, аџьҵлақәа уҳәа убас егьырҭгьы. Нас уамашәа изаҳбои, абырзенцәа ари аҭыԥ рколониа аргыларазы иахьалархыз, ари аҭыԥ инақәыршангьы аҭӡы ахьышьҭырхыз? Аха уажәазы, арҭ аҭыԥқәа уаҩы зынӡа инижьызшәоуп ишыҟоу, мамзаргьы аамҭала анхаҩы идгьылқәа рыԥсы аныдиршьо еиԥш акәзаргьы ҟалап. Ашьхақәа, бна иаҵәала ихҟьоу уанрыхәаԥшуа, аладахьала – амшын кеикеиуа ианубо, угәы иаанамгар ҟалом, аҭоурыхи ацивилизациеи рхыҵхарҭаҿы, алакәқәеи, амифқәеи рдунеиаҿ уҟоушәа… Нас иабаҟоу ара инхоз, ари џьанаҭ ҭыԥ аҟны агәахәара зауаз ауааԥсыра?». Самырзаҟан Диубуа иныҟәара хирқәшеит Самырзаҟан (иахьатәи Гал араион – аред.). Уа дыҟанаҵ ианҵамҭақәа рҿы еиҭеиҳәоит аԥсуа ҭауад Анчабаӡеи ақырҭуа ҭауад Дадиани ирыхьаз аимак-аиҿак атәы: «1832 – 1833 шықәсқәа рзы Самырзаҟан лассы-лассы аимҵәаҩцәа ақәыларақәа аԥшьыргон. Уи зхылҿиаазгьы абри ахҭыс оуп. Зны, Леван Дадиани, Гыртәыла аҭауад, иижәыз аҩы хәыҷык ихы иасын, иҭаххеит уи аамҭаз иааигәара иҟаз аԥсуа ҭауад Анчабаӡе уск иирҟаҵарц, аха уи иара мап аәикит, аурыс афицар имаҵура иақәнагом ҳәа. Уи аҩыза аҭак Дадиани ихы ихнахит, алаба днамҵасны аԥсуа ҭауад дисып ҳәа нақәикит. Аха Анчабаӡе аҳәала ихы ихьчеит. Уи еиҳагьы Дадиани иԥсахы еибанаркит. Анчабадзе иакәзар, Дадианаи ихымҩаԥгашьа дахьирхәырц иаҳәа иҟьеит, аха уи имықәшәеит. Дадиани имаҵурауаа ааиԥхьан, Анчабаӡе дҿаҳәаны абаашқәа рук аҟны дҭаркырц адҵа риҭеит. Уи абаа аҟнытә Анчабаӡе дыбналеит Самырзаҟанҟа. Убри ашьҭахь Анчабаӡе ишьоура далагоит – дааҟәымҵӡакәа Гыртәыла дақәло, иқәыблаауа. Ҵабалаа иваргыланы, Дадианаи уаҳа урҭ аҿагылара рыҭара илымшо аҟынӡа днаргеит. Убасҟан Дадиани аурысцәа рахь аҳәара ҟаиҵеит, иҳәаақәа Анчабаӡе иҟнытә рыхьчараҿы ицхраарц азы». «Кавказ – дара рҭыҩроуп» Диубуа ианҵамҭақәа уанрыԥхьо, лассы-лассы иуԥылоит аԥсуа ҭауадцәа тәамбашақә дышрыхцәажәо, иара убасгьы автор хшыҩҵакык аҳасабала иҩуеит, Урыстәыла иалшар, араҟа аԥсҭазаара ҭышәынтәаланы ишыҟалоз атәы. Абас иҩуеит аныҟәаҩ XIX ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы: «Мраҭагыларатәи Урыстәылахь ахәаахәҭратә мҩа аатыр, Аԥсны иаарласны ашьапы иқәгылон, аҿиарагьы иалагон. Ари аҳәынҭқарра рыцҳа аҟны ишьақәгыларын аҭынчра, Аԥсныи Гыртәылеи рықәлара есымша иазыхиоу агагшәыг ҟазшьа змоу Ҵабалтәи аимҵәаҩцәа аанызкыло амч ҟалар. Икьаҿу, иманшәалоу амҩақәа ылхны мацароуп Урыстәыла Кавказ анапаҿы аагара шалшо, иара убасгьы Аԥсны аҭауадцәа ргьангьашара аанкылара. Аҭауадцәа ибзианы еилыркаауеит, Кавказ зегьы – дара ирҭыҩраны ишыҟоу, ачерқьесцәа – дара рҩызцәа, ианакәызаалак урҭ ацхыраара рыҭара ишазыхиоу». Аҵасқәа ирызкны Даараӡа аинтерес рыҵоуп аҭыԥантәи ауааԥсыра рҵасқәеи рқьабзқәеи ирызку Фредерик Диубуа иазгәаҭарақәа. Асас дахь ҳәа ирыԥхьаӡо изыршьуагьы ашьтәа дуун ҳәа азгәеиҭоит аныҟәаҩ. Фредерик еиҭеиҳәон, асас изы аишәа архиара адагьы, уи ишизеиҿыркаауаз агәырҿыхарақәагьы, еиҳарак акәашарақәа: «Акәашара уаҟәыҵны, уаҳа сылшом ҳәа ацара ԥхашьара дууп ҳәа иԥхьаӡоуп. Зныкымкәа избахьан, шаҟа ирцәыуадаҩыз акәашаҩцәа. Зны аинралк, уа иҟаз ԥҳәыск длыҳәеит акәашара лхы алалархәырц; сааҭк аҟара ҵит ԥсыуа ҷкәынак дицкәашоижьҭеи, илылшоз зегь ҟалҵеит длырааԥсарц, аха аҷкәын даангылап ҳәагьы игәы иҭамызт. Авуаль ахаҭыԥан лхы-лҿы зҵәахуаз ачоуҳатә касы лыԥсыԥ лагаҩагара аруадаҩуан; лшьамхқәа ҵысуан, уаҳа аалылымшо дыҟан, абыржәы лыԥсы аамачҷхаратә дшыҟаз, аинрал днеины лара аиааира лгеит ҳәа арԥыс иҳәарц диҳәеит». Кавказ иахысыз аныҟәаҩ Диубуа-аныҟәаҩы инижьит усҟантәи аамҭазтәи Аԥсны иазку хәы змаӡам аҭоурыхтәи, агеографиатәи, атопографиатәи дыррақәа. Иара игәаанагарақәеи, изгәаҭарақәеи раарԥшразы ихы иаирхәо ажәақәа зны-зынла имҿыӷуп, аха ус шакәугьы, Аԥсны ҭызҵаауа рзы даараӡа аинтерес аҵоуп. Фредерик Диубуа де Монпере аныҟәарақәа рзы Кавказ даҭаауан 1934 шықәсанӡа. Иусумҭақәа рҭыжьра ашьҭахь Невшательтәи академиа дапрофессорны дҟалоит. 1848 шықәсазы уи академиа анадыркы, Диубуа археологиа иҽазикуеит: археологиатә жрақәа мҩаԥигон Невшатель азааигәара иҟаз аҭыԥ Крессе аҟны, насгьы, франциатәи акоммуна Коломбие аҟынгьы. Убасгьы, Фредерик Диубуа иҭиҵаауан Невшательтәи ауахәама. Аныҟәаҩ иусумҭақәеи, иколлекциақәа реизгақәеи ҳамҭас иеиҭеит ақалақь Циурих иатәу абиблиотека. Диубуа ихатә ԥсҭазаара иазкны идыру маҷӡоуп: иԥсҭазаара далцуеит 51 шықәса дшырҭагылаз, Невшатель иаҵанкуа Пезе ҳәа иахьашьҭаз аҭыԥ аҟны. Left Right Атекст автор - Арифа Қапԥҳа, абильд-редактор - Наала Аҩӡԥҳа, аредактор – Ольга Солдатенкова, аредактор хада – Амина Лазԥҳа
https://www.abaza.org/abk/frederik-diubua-de-monpere-kavkaz-atymuayu-iblala
2024-02-22T10:17:18Z
<urn:uuid:e0056e5f-2486-4400-9280-23e9219144cf>
[]
[]
abk-Cyrl
0.98
0.95
0.99
37
22,036
tlsh:T109C15DA28B80CB5BC6B3C198CB9249322CD1584347637261CEC5F4B51656099EFFCC03AAFBE80A5A649F1222D122BF14694AFCEA157D7BD770D300A56D3F39DE27A839C69E
Адыгьеиа, Маиҟәаԥ ақалақь ареспубликатә милаҭтә музеи аҟны имҩаԥысит 85 шықәса раԥхьа, Париж иҭыжьыз, адыгақәа ретникатә ҭоурых азҵаарақәеи ахырхарҭақәеи жәпакы инарҵауланы иаазырԥшуа «Ачерқьесқәа рхылҵшьҭра» ҳәа хьӡыс изауыз Аитек Намиток ишәҟәы аӡыргара. Астатиақәа Зегь зымчу ажәа Ажьырныҳәа 24, 2024 «Шьашәы-Аҳахь Ду, абжьныха! Зҳәа неиуа, зуы ылҵуа! Шаҟа хәыӡи шылеи еилоу аҟара мши, насыԥи, гәабзиареи Шьашәы ишәиҭааит!» «Ажьырныҳәа» аԥсуара иахәҭакуп. Кавказ ажәларқәа рыбжьара аԥсуаа реиԥш аӡәгьы иҳаракны ирымаӡам. Ажәытәан Ажьира анцәахәы Шьашәы-Абыжьныха ҳәа ишьҭан. Уи иаанагоз аԥсуаа рыбжьныха рымч еидызкыло Шьашәы иоуп ҳәа акәын. Астатиақәа Аҧсадгьыл аҧа иаша Ажьырныҳәа 24, 2024 Дыздыруан Хәыхәыт Шьаликәа-иҧа Бганба 1979 шықәсазы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет данҭала нахыс. Дахьгылаз аҭыҧқәа зегьы рҟны далкаан, дыццыкын, амцабз даҩызан. Агәеибафара, агәыцыхцыхра, зегь рызхьаара, зегьы рхаҵгылара зцәаҩаз иакәын. Аҧсны аҭагылазаашьа уадаҩ акәмызҭгьы Хәыхәыт Бганба ҵарауаҩ духәон хымҧада. Астатиақәа Аишьцәа – Афырхацәа Ажьырныҳәа 24, 2024 Аҧсуаа ражәа иалоуп: «Аиашьа рыцҳарак дақәшәар, аиаҳәшьа лылаҕырӡ ахькаҭәо ашьац былуеит» ҳәа. Иҟам еиҳау ахьаа аиашьа игәырҩара аҵкьыс. Астатиақәа Камантәи аберҭыԥ иаԥсҭазаашьоузеи? Ажьырныҳәа 24, 2024 Аҟәа ақалақь аҟынтәи 12 километр ахьыбжьоу, Каман аҳаблаҿы игылоуп аԥшьаҩы Иоаанн Ахьҿы ихьӡ зху аберҭыԥ. Уи есышықәса иаҭаауа аҭыԥԥшьаныҟәаҩцәеи атуристцәеи рхыԥхьаӡара 50 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит. Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша ахантәаҩы, аигумен Игнати (Киут) ари аберҭыԥ ахылаԥшҩыс дыҟоуп. Уи Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, ари аныхабаа имариам аԥсҭазаара атәы еиҭеиҳәеит. Астатиақәа Аҭамзаара шьҭаҵазаргьы… Ажьырныҳәа 24, 2024 Аҧсны тәылауаҩык аӡәы ихашҭхьеит ҳәа сыҟам,1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҧсны ахьчараз аҧсуаа ирывагылан еибашьуан, хатәгәаҧхарала абџьар шьҭызхыз Аахыҵ - Уаҧстәылантә, Урыстәыла егьырҭ арегионқәа рҟынтә иааз. Убарҭ рхыҧхьаӡараҿ дыҟан, фырхаҵарыла еибашьуаз, иахьа легендаҵас зыхьӡ рҳәо аибашьҩы Владимир Карданов (Гена ҳәа зарҳәоз). Иара Аҧсны аибашьра ианалага, Ҟабарда-Балкариантәи зхатәгәаҧхарала аибашьрахь иаауаз дрыцны даауеит. Ашықәс ҿыц иалагӡаны Ажьырныҳәа 24, 2024 2024 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны Оҭаԥтәи Абрыскьыл иҳаԥы иаҭааит 200-ҩык инарзынаԥшуа ауаа. Анапынҵақәа рынагӡаразы Ажьырныҳәа 24, 2024 Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аилацәажәара мҩаԥигеит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аиҳабыра Раппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа, Аԥыза-министр ицхырааҩ Дмитри Шамба алархәны. Астатиақәа Збаҩхатәра ҳаракыз Ажьырныҳәа 24, 2024 Ауаҩы ихы азыгәдуреи итәылауаҩра аԥсахареи еизнарҳауеит амилаҭтә доуҳатә культура. Еиҵагыло абиԥарақәа инарҵауланы ирнырратәы идеилнаркаауеит шаҟа иҵаулоу рыжәлар рҭоурых адацқәа. Аԥсуа жәлар рдоуҳатә культура ахәҭа хадақәа ируаку атеатртә ҟазара ашьаҭа кын, ишдыру еиԥш, сынтәа диижьҭеи 150 шықәсхыҵра азгәаҳҭо, ҳдоуҳа ауасхыршьҭаҵаҩ Дырмит Гәлиа иаԥшьгарала, иаҳхысыз ашәышықәса актәи ажәашықәсақәа раан. Мықәтәи ауахәама Ажьырныҳәа 24, 2024 Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб дырԥылеит Аԥсуа Иашахаҵаратә Уахәама адинмаҵзуҩцәа – аиереи Виссарион, аиереи Долмат, аиеромонах Давид, – иаанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура. Аиԥылараҿы Аԥыза-министр адинмаҵзуҩцәа иреиҳәеит Аԥсуа Иашахаҵаратә Уахәама ахыбрақәа реиқәырхареи ирыгу-ирыбзоу аҟаҵареи рзы Аԥсны Аиҳабыра имҩаԥырго аусқәа.
https://gazeta-apsny.info/itemlist/user/806-aslan?start=80
2024-02-24T17:05:20Z
<urn:uuid:289aa6b9-b6cf-49a6-91f6-fcf58e0bb6a1>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.98
0.97
1
39
6,549
tlsh:T101E04AD1BA84CB8BC6B3D4588F9189355CC01D4743627230CFC5F578164315CEFFCD23E9F6E9128AA8DF0262C1926A10AA5BFDEA197E7BD7318210A16D2F38DC279476D19E
Асасааирҭа «Риҵа» - Аҧсны зегьы реиҳа иҧшӡоу, аромантика зныҧшуа сасааирҭоуп. «Риҵа» аартын 1914 ш. азы, убри инаркны иҟалеит иара Аҟәа ахаҿра иасимволны, иахьагьы еиқәханы иҟоуп 20-тәи ашәышықәсазы иамаз аиҿкаашьа лыҧшаах. 2014 шықәсазы асасааирҭа иазгәанаҭоит шәышықәса ахыҵра. Ари аиубилеи инамаданы, сынтәа, есымза асасааирҭа ахолл аҿы имҩаҧыслоит еицырдыруа аҧсуа асахьаҭыхыҩцәеи афотоҭыхыҩцәеи русумҭақәа рцәыргақәҵа. Абас, мшаҧымзазы, ара еиҿкаан зҟыбаҩ бзиоу аҧсуа фотограф Ибрагим Ҷкадуа ифотоцәыргақәҵа «Модерн». Афотопроект шьаҭас иазыҟалеит «Модерн» астиль ала иаҧҵоу Русудан Кобиакова иаҧылҵаз аҳәса рышәҵатәы аколлекциа. Ибрагим Ҷкадуа зеиӷьаҟам ифотоҭыхымҭақәа Модерн астиль ала иаадыртуеит убла хнакратәы иҧшӡоу адунеи. Ари апроект аҿы ашәҵатәқәа зегьы ирныҧшуа иҟаҵоуп 20-тәи ашықәсқәа рзы аҧыжәара змаз Арт-Деко аамҭазтәи, уи аҧхьа иҟаз Ар-Нуво рстильқәа, «Афотоҭыхымҭақәа цәыргоуп афото ақьаад аҿы акәымкәа ицәааку абырфын ала.
https://www.ritsa-hotel.com/abh/
2024-02-27T00:34:21Z
<urn:uuid:c224556e-ed7a-42d2-b596-6d9166314470>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
3
1,742
tlsh:T1454854319D40CB5FC4F3C08ACA804E355CE0692143639261DDC1B0B5614505AFEFCD11A5F9EC075AA4EF5222D226AE156E4ABCFA387D9DD7329384917E3F94CF07783AD94E
Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы Евроеидгыла еснагьтәи ахаҭарнак 8 ҳәынҭқаррак, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны, еицрыдыркылаз аҳәамҭа даҧхьеит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы Евроеидгыла еснагьтәи ахаҭарнак 8 ҳәынҭқ... Иҵегь аҭагалара Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы Евроеидгыла еснагьтәи ахаҭарнак 8 ҳәынҭқаррак, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны, еицрыдыркылаз аҳәамҭа даҧхьеит 18:31, 30.11.2023 Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы Евроеидгыла еснагьтәи ахаҭарнак Раса Остраускаите 8 ҳәынҭқаррак, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны, еицрыдыркылаз аҳәамҭа даҧхьеит. Аҳәамҭа рнапы аҵарҩит Аҩадатәи Македониеи, Черногориеи, Албаниеи, Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Исландиеи, Сан-Маринои. «Ҳара Урыстәыла ала жәларбжьаратәи зини, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара апринципқәеи аҧхықәрақәеи реилагара ҕәҕәала ҳақәыӡбоит. Урыстәылахь даҽазнык ааҧхьара ҟаҳҵоит зыҧшра ҟамҵакәа Украина иаҿагылоу аибашьра иаҟәыҵны, иарбанзаалак заанаҵтәи аҳәарақәа рыда, ари атәылантә рхатә абџьармчқәа алыргарц. Украина иаҿагыланы аибашьра ианалага, Урыстәыла, европатәи ашәарҭадара шьаҭас иамоу апринципқәеи аҧхықәрақәеи еиланагеит. Урыстәыла уаанӡагьы изныкымкәа арҭ апринципқәа еиланагахьеит, 2008 шықәсазы Қырҭәтылагьы, 2014 шықәсазы Украинагьы. Арҭ апринципқәа ирыдҳәаланы аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгареи реиҭахәаҧшреи ҟалом. Евроеидгыла даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи рҵакырадгьылтә акзаара ишадгыло, арҭ атәылақәа рҟны аусеицура шынанагӡо евроинтеграциа апроцессаҿ ареформақәа рынагӡаразы», — иануп аҳәамҭаҿы. АПОЛИТИКА Евроеидгыла ҚЫРҬТӘЫЛА Раса Остраускаите 3 Еиҧшу 2022 шықәса иаҿаҳарҧшыр, Евроеидгыла атәылақәа рҿы ахыҵакырҭа иашьҭоу Қырҭтәыла атәылауаа рхыҧхьаӡара 2023 шықәсазы имаҷхеит 12%-ла Қырҭтәылеи Кореиатәи Ареспубликеи рыбжьара аекономикатә партниорра иазку аиҿцәажәара актәи араунд иалагеит Питер Сииарто - Қырҭтәыла шықәсқәа раԥхьа ақәнаган Евроеидгыла алалара World of Statistics астатистика инақәыршәаны, атуристцәа уахынла ишәарҭамкәа аныҟәара ахьрылшо атәылақәа рыбжьара, Қырҭтәыла Европа аҵакыраҿ аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит Виктор Орбан иажәақәа рыла, 2008 шықәсазы Украинеи Қырҭтәылеи Натои Евроеидгылеи ралалара алшара рыман, аха ари ашанс рхы иадырхәарц ирылымшеит Евроеидгыла Украина ацхыраара аҳасабла 50 миллиард евро азалхра азҵаара аднакылеит Педро Санчес - Ҳара Мраҭашәаратә Балканқәеи, Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи ашәқәа рзааҳартит, сара уи сеигәырҕьоит Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рзы амаҵзура аплан иарбоуп Евроеидгыла атәылақәа рыла Украина абџьар аҭара аудит амҩаҧгара Афинансқәа рминистрра - Жәларбжьаратәи ареитингтә агентра FitchRatings Питер Фишер - 2024 шықәсазы Германтәылеи Қырҭтәылеи Европатәи ахеилакахь аинтеграциазы аусеицура нарыгӡоит Амш зеиҧшрахо 2° амҽ Қaрҭ амҽ 3° ашә 4° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Иахьа инаркны аӡыргаратә ацҳамҭақәа рышьҭра адресат иқәшаҳаҭра мацара ашьҭахь алшахоит Павел Ҳерчински - Анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи аганахьала Қырҭтәыла аҧхьагылара шамоу аазырҧшуа аҭҵаарақәа гәахәаала аҧара рзоуҳажьҭуеит
https://1tv.ge/lang/ab/news/awseitcwrei-ashar%D2%ADadarei-rzm-evropati-aitchvkaaratchvm-evroeidgmla-esnag%D1%8Cti-axa%D2%ADarnak-8-hmn%D2%ADqarrak-qmr%D2%ADtmlag%D1%8Cm-nrmlaca/
2024-03-02T22:34:55Z
<urn:uuid:9724e32b-2004-4bb0-b3d2-4322e6ff128e>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.62
0.95
47
6,572
tlsh:T1D6DC99D17840DB07C1B3C159CB5189366DD1780B9660B270CEEAB8B21745059EBFCD1399BAEC0A4F30AF1226E162BF005A0AECD66CBDFBDB711340A55E7E78E9339475C59E
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь аҟны аусуратә ныҟәарақәа мҩаԥигеит. Аныҟәарақәа ирылахәынАхада Иадминистрациа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аҟәа ақалақь Администрациа Ахада Беслан Ешба. Аныҟәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарра Ахада ибеит Арӡынба имҩаду аҟны Агәмааи Титовеи амҩақәа еимадзо аҭыԥқәа рыҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо. Беслан Ешба иҳәеит, арҭ амҩадукәа рыҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо ақалақь Администрациа ахарџь ала, иагьшхыркәшахо ашықәс анҵәамҭазы. "Амҩа даара аҭагылазаашьа бааԥсын. Ауаа рацәаҩны инхоит, амҩа иахыкәшан ицалар акәын, иԥҽыз амҩа иҭамҳарц азы ",-иҳәеит Ешба. Иара убас, Ахада иеиҳәеит арҿыцратә усурақәа анцоз аамҭазы аӡӡымҩангара шәырақәа шыԥсахыз, ари аусурахкы иартәеит 38 млн.мааҭ. Аԥхьаҟа иазԥхьагәаҭоуп - амҩа акаҭран ақәырҭәара, уи иақәхарџьтәхоит 15-18 млн.мааҭ. " Аԥара ҳамоуп. Аканализациа иадҳәалаз аус цгьан, аҭыбгарақәа рацәан аус аԥырхага азҭоз", - иҳәеит иара. Ешба еиҭеиҳәеит, ԥхынгәымзазы излагаз аусурақәа жәамш рыла ишхыркәшахо. Анаҩс Ахада ибеит Т. Шамба ихьӡ зху апарк аҟны имҩаԥысуа аусурақәа. Аусурақәа рымҩаԥысшьа зеиԥшроу еиҭеиҳәеит Беслан Ешба. "Индоевропатәи ателеграф 12 ҭоурыхтә шьаҟа ареставрациа рзаҳуит. Иаарласны 80 цыра атәарҭақәа ҳаргылоит", - иҳәеит Аҟәа Администрациа Ахада. Амуниципалтә усбарҭа "Ақалақьргыларапроект" адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа иажәақәа рыла, апарк аҟны иҟоу аӡыршә аиҭашьақәыргылара уажәшьҭа ахыркәшарахь инеиуеит. " Аусурақәа цонаҵы аӡыршә иамаз раԥхьатәи ахаҿра аиқәырхара ҳашьҭан. Аусурақәа хыркәшахоит абҵарамза 17-нӡа",-иҳәеит Ԥиԥиа. Беслан Ешба иҳәеит, иааиуа ашықәс азы апарк аҟны ишыҟало ауаргьала аҳәыҷқәа рзы акьанџьа дуқәеи. Анаҩс Аслан Бжьаниа даҭааит Басла аӡиас иху ашьапыламҩатә цҳа. Беслан Ешба иҳәеит, ацҳа ахи аҵыхәеи рыҟны алифтқәа раҭара ргәы ишҭоу. "Апандус ахьамам иахҟьаны, зымаха-зышьаха зыхьуа ауаа ацҳа изықәсӡом, иара убас ашьаҟауаа ахәыҷтәы колиаскақәеи амаланыҟәақәеи змоу", - иҳәеит Ешба. Аслан Бжьаниа алифтқәа рышьақәыргылара дақәшаҳаҭхеит, атәылауааи асасцәеи рзы акырӡа ишаҭаху азгәаҭаны. Ацҳа ҿыц аҟны алифт шьақәыргылахоит 2024-тәи ашықәс алагамҭазы. Анаҩс Ахада Ацҳа ҟаԥшь дахәаԥшны ибеит. Ақалақь Администрациа Ахада иҳәеит, арҿыцратә усурақәа раԥхьа аҭыџьтәы кәырша шамамыз. Иахьатәи амш азы аусурақәа зегьы хыркәшоуп, амаакырақәа еиҭашьақәыргылоуп. Анаҩстәи аыҟәарақәа ирыцҵан агәаҭарҭатә ҭыԥи Аҟәатәи ашьхаҿы иҟоу аӡыршәи рыҟны. Асҭамыр Ԥиԥиа Аслан Бжьаниа адырра ииҭеит актәи агәаҭарҭатә ҭыԥ аҟны аусурақәа шцо. "Ахыб аевкалипт ҵла ақәҳаит, уи апроблема аԥаҳхит, уажәшьҭа аусурақәа ахыркәшарахь инеиуеит", -иҳәеит иара, убри аан иазгәеиҭеит абҵарамза анҵәамҭазы актәи агәаҭарҭатә ҭыԥ аҟны аусурақәа зегьы шхыркәшахо. Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭеиҳәеит Аҟәатәи ашьхаҿы аӡыршә ааха ӷәӷәа шамаз, аха аиҭашьақәыргылара шрылшаз. Аӡыршә арҿыцра, иара иажәақәа рыла, ашықәс анҵәамҭазы ихыркәшахоит, апарк акәзар идырԥшӡоит, еиҿыркаауеит. Ахада иара убас, Аҟәа амикрораион ҿыц аҟны аусурақәа рцашьа гәеиҭеит. Ара Агрба имҩаду апарк хадаҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган, ишьҭаҵан атротуартә хаҳәцәқәеи акаҭрани, еиҭашьақәыргылан ауаажәларратә трансорт аангыларҭақәа. Анаҩс Ахада Аҟәатәи аихамҩатә вокзал даҭааит. Аԥснытәи Аихамҩа анџьныр хада Леонид Кәыруа Ахада адырра ииҭеит имҩаԥгоу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы. «Авокзал аҩныҵҟеи адәахьи иаҳрыцқьеит – агәам-сам дәылаҳгеит. Ашә ҿыцқәа шьақәҳаргылеит, аԥенџьырқәа ҿаҳҵеит, абагьырқәа ҳарҿыцит», иҳәеит Ҟәыруа. Иара убас уи иҳәеит аибашьра аахыс ахыбра ахыб абжа шамам. Иазԥхьагәаҭоуп авокзал ахыбра 2024 шықәса аԥхынранӡа аиҭашьақәыргылара, апассаџьырцәа рымҩангара иалагаанӡа азыԥшырҭа зал аиҭашьақәыргылара. «Аусурақәа зегьы мҩаԥысуеит Акультура аминистрра абжьгарақәа рықәныҟәарала авокзал ахыбра аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа ирыҵанакуеит аҟнытә», - иҳәеит иара. Ахада иазгәеиҭеит Аҟәатәи авокзал аиҭашьақәыргылара – иҿио ауаажәларра символра шазнауа. «Ари иара авокзал мацара иахьазеиӷьу адагьы, ҳтәылауаагьы ргәы иахәоит. Уи ҳуаажәларра рыҿиара иасимволуп. Шәара аҵыхәтәантәи ҩажәижәаба шықәса раахыс абгара иаҿыз аобиект аиқәырхара шәылшеит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ари азы», - иҳәеит иара. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16065/
2024-02-28T09:22:56Z
<urn:uuid:911b6584-1c97-47ce-99a1-950feb4c1ff3>
[ "footer" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
0.91
0.99
23
8,444
tlsh:T14724CE026740CF4BD2B3C48DEBC18D39A8D158524632B230CEC9F0B12A45048EFFCD139AFAE9198E70DB1612E156BB11655AFDE6247EABD3309240D46D2F28DD37A576D6AE
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Роберт Аршба дидикылеит Аконтрольтә Палата Ахантәаҩы имаҵураҟны изинмчқәа рыҿҳәара ахыркәшара инамаданы. Роберт Аршба ари амаҵзураҟны данаҭаз 2013 шықәса мшаԥымза 29 инаркны 10 шықәса аус иуит. Аҳәынҭқарра Ахада Роберт Аршба иҭабуп ҳәа еиҳәеит Аконтрольтә палатаҟны ламысцқьала иусуразы, иара иԥышәа, идыррақәа, ипрофессионализм аԥхьаҟагьы аҳәынҭқарраҟны хархәара шаиуа азгәаҭаны. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата аҳәынҭқарратә финанстә контроль мҩаԥызго, иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа иреиҳаӡоу усбарҭаны иҟоуп, иаԥҵоуп 2010 шықәса абҵарамза 5 рзы. Аконтрольтә палата Ахантәаҩы амаҵзураҟны дагьаҭахоит амаҵзураҟнытә ихы дагьақәиҭтәхоит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ала адепутатцәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟнытә иреиҳахаз абыжьқәа рыла хәышықәса аҿҳәара иҭаны. Хаҿык инеиԥынкыланы ҩ-ҿҳәарак иреиҳаны Аконтрольтә палата Ахантәаҩыс дҟалар ауӡом. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15441/
2024-02-22T14:31:32Z
<urn:uuid:cc8d83d2-7b43-4eb2-86b2-1d6dad97c0fa>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.79
0.83
0.96
12
2,477
tlsh:T13A8795518C40EB9BD6B3C597CB924E35ACC1980342727350CEC9F1B50292044FAFCC03EAABE11646B8D71515E5527E04594DEEEA647EEAD3708250926C2F68EC335476D26F
Иракли Кобахиӡе – Иарбанзаалак атәылаҿы аоппозициа ҕәҕәазар бзиоуп, аха, арадикалтә оппозициа – аоппозициа акәымкәа, агентуроуп, абри ауп проблемас иҟоу - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Кобахиӡе – Иарбанзаалак атәылаҿы аоппозициа ҕәҕәазар бзиоуп, аха, арадикалтә оппоз... Иҵегь аҭагалара Иракли Кобахиӡе – Иарбанзаалак атәылаҿы аоппозициа ҕәҕәазар бзиоуп, аха, арадикалтә оппозициа – аоппозициа акәымкәа, агентуроуп, абри ауп проблемас иҟоу 15:31, 09.10.2023 «Аколлективтә «Амилаҭтә ҵысра» ма апартиа «Амилаҭтә ҵысра» шаҟа ирацәаны асубиектқәа алҵуа аҟара, иаҳа ирацәаны асубиектқәа аҧынгыла изахысуам, аҵыхәтәаны аколлективтә «Амилаҭтә ҵысра» Қырҭтәыла апарламентаҿ иаҳа имаҷу амандат аиуеит», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе адырраҭара «Имедис Квира» аҿы. Кобахиӡе иажәақәа рыла, аоппозициатә флангаҿ апартиақәа реидыҵреи аконфронтациеи абзоурала анапхгаратә партиа иаҳа иҕәҕәахоит. Иара убас, Кобахиӡе ишиҳәаз ала, атәылаҿы аоппозициа ҕәҕәазар бзиоуп, аха, Қырҭтәыла арадикалтә мчқәа оппозициа акәымкәа агентуроуп, убри аҟынтә, уи излауа ала ирҧсыҽтәуп. «Иарбанзаалак атәылаҿы аоппозициа ҕәҕәазар бзиоуп, аха, арадикалтә оппозициа – аоппозициа акәымкәа, агентуроуп, абри ауп проблемас иҟоу. Убри аҟынтә, аоппозициа иадҳәаланы азнеишьа ҷыда ҳамоуп. Дара аоппозициаа ракәымкәа, агентцәоуп, убри аҟынтә аоппозициа излауа ала ирҧсыҽтәуп», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе. АПОЛИТИКА İrakli Kobaxidze 4 Еиҧшу Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Иракли Кобахиӡе - Европарламент аҩныҵҟа ашәқәа ркны ирҳәо зегьы ақырҭуа жәлар еилыркаар, уи ҳажәлар дара рахь ирымоу азныҟәаразы анырра бзиа амазаауеит Иракли Кобахиӡе - Агәабзиарахьчара аминистр иҟны аимадара иазкны исҳәар сҭахуп, амедицинатә усхкы ахаҭарнакцәа агәынамӡара рыман, уи гәасҭеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿырҧштәалагьы Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Италиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад дылҧылеит Франциа аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит Иракли Кобахиӡе Швеицариатәи аконфедерациа ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит Иракли Кобахиӡе Павел Герчински диԥылеит Китаитәи ареспублика Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизадатә режим шьақәнаргылеит Иракли Кобахиӡе - Ареспубликатә хәшәтәырҭа ареорганизациа аанкылахоит, иашьашәалоу азинтә докумнт аус адулара ҳалагахьеит Амш зеиҧшрахо 2° амҽ Қaрҭ амҽ 3° ашә 4° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Каха Калаӡе - Иракли Кобахиӡе зегьы реиҳа ибзианы идыруеит аиҳабыра ирызкны идикылаша аӡбара Иахьа инаркны аӡыргаратә ацҳамҭақәа рышьҭра адресат иқәшаҳаҭра мацара ашьҭахь алшахоит Павел Ҳерчински - Анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи аганахьала Қырҭтәыла аҧхьагылара шамоу аазырҧшуа аҭҵаарақәа гәахәаала аҧара рзоуҳажьҭуеит
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-kobaxidze-iarbanzaalak-atmlatchvm-aoppozitcia-ghghazar-bziowp-axa-aradikalt-oppozitcia-aoppozitcia-akmmk/
2024-03-02T22:49:39Z
<urn:uuid:0772ec12-e11f-4891-8b23-8191b90b1458>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.6
0.95
50
6,155
tlsh:T133979EC19944DF5BD6B3C05985A18A3A7CD16A0AC752B160CDC8B4B0324906DEAFCC03AAFEF95E4EA0EB2941C132FF15210DACEB55BDFED7A24540705E3E35DA2B943246DE
Авизит иалагӡаны иазгәаҭоуп ареспублика Ахада Рашид Темрезов, аиҳабыра алахәылаҩцәа, Ҟарачы-Черқьестәи Апарламент адепутатцәа, Аҧсны жәлар 1992 -1993 шш. Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, зхатәгәаҧхарала Аҧсныҟа иааны иеибашьыз иҭахаз аибашьцәа рҭынхацәа, ауаажәларра рҧылара 25.04.2015 Рауль Ҳаџьымба Гарри Бигәаа ииубилеи идиныҳәалеит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аветерантә еиҿкаара «Абааш» ахантәаҩы Леон иорден занашьоу Гарри Бигәаа диҧылеит 24.04.2015 Аусҧҟақәа 24.04.2015 Рауль Ҳаџьымба Аҧсны иқәынхо аерманқәа рышҟа иҟаиҵаз ааҧхьара Абарҭ агәалашәаратә алахьеиқәҵаратә амшқәа рзы Аҧсны иқәынхо ааӡаб ду зхызгаз аерман жәлар шәышҟа схы нарханы исҳәарц сҭахуп, адунеи зегьы зырхыџхыџыз ахҭыс хлымӡаахқәа ирылаӡыз аерман жәлар рыхьӡала шәхьааи шәгәырҩеи шшәыцеиҩаҳшо 24.04.2015 Аетнографиатә ансамбль «Ерцахә» аиубилеитә ныҳәа аҭаара Рауль Ҳаџьыимба даҭааит сынтәа аетнографиатә ансамбль «Ерцахә» ҩынҩажәа шықәса ахыҵра иазкыз аиубилеитә ныҳәа 23.04.2015 Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аобиектқәа рыҧхасҭатәра афактқәа ахьырацәахаз инадҳәаланы, Ахада агәҭынчымра инаҭоит Хара имгакәа арҭ азҵаарақәа ирыхәаҧшуеи Ахада имҩаҧигараны иҟоу ҷыдалатәи аилацәажәараҟны 20.04.2015 Рауль Ҳаџьымба даҧылеит Ареспублика Науру аофициалтә делегациа Аделегациа иалахәуп ахада ихаҭыҧуаҩ, Ареспублика Науру афинансқәа рминистр Адеанг Давид Уаиау, афинансқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Хант Мартин Ханси-Саиа, Апарламент аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Акуа Ренин Рендольфи Апарламент адепутат Бурамен Сирили 20.04.2015 Мшаҧы 24 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит ирҿыцу ахкы аусура иалагоит. Мшаҧы 24 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит ирҿыцу ахкы аусура иалагоит. Уи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Аҧсны Ахада Иусбарҭеи русура зныҧшуа ихадоу официалтә хархәаганы иҟалоит. 17.04.2015 Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит Москватәи авизит аҳәаа иҭагӡаны Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изкыз алекциа даҧхьеит 17.04.2015 Ихыркәшоуп Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит Мшаҧы 17 рзы ихыркәшан Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит. Москватәи авизит аҳәаа иҭагӡаны Раули Ҳаџьымба Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изкыз алекциа даҧхьеит, имҩаҧигеит иналукааша урыстәылатәи АИХ рредакторцәаеи Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәеи рҧылара. Ашьыжь аҳәынҭқарра ахада Аҟәаҟа дыҧрит. Ара иҽаилаирхәраны дыҟоуп аҧсуа-аурыс аиҳабырабжьаратә комиссиа реилатәара. 16.04.2015 Афорум азал маҷ аҟны имҩаҧысит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Москва инхо аҧсуа уаажәларреи астудентцәеи рыҧылара Аиҧылара иалахәын Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба, Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, москватәи аҧсуа диаспора ахада Беслан Агрба. 16.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә хеилак Амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба диҧылеит урыстәылатәи иколлега Николаи Патрушев. Аиҧылараҿы ирылацәажәан Аҧсни Урыстәылеи ртәылахьчареи ршәарҭадареи рзеиҧш цәаҳәа. Николаи Патрушев ҩ-ҳәынҭқаррак ршәарҭадаразы агәҽанҵара иазку аусхкқәа разырхиареи рынагӡареи ирызку аусбарҭабжьаратә усеицура алҵшәақәа бзиоуп ҳәа ахә ишьеит. 10.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Москваҟа ивизит. Авизит аҳәаа иҭагӡаны Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изку алекциа даҧхьараны дыҟоуп 09.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба диҧылеит урыстәылатәи арежиссиор Алеқсандр Сокуров Алеқсандр Сокуров Аҧсны Ахада изеиҭаиҳәеит Аҧсынтәыла иаҭаара иадҳәалаз игәаанагара атәы. 24.03.2015 Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Адыгатәылантәи зхатәгәаҧхарала еибашьра иааз хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы иҭаацәа Галинеи Валерии Диколенко дырҧылеит Рауль Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы иҭаацәа атәанчахәы рзаужьразы 21.03.2015 Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Дмитри Медведев Рауль Ҳаџьымба Имшира идиныҳәалеит. Алада иаагоуп адныҳәаларатә цҳамҭа атекст хаҭәааны. 15.03.2015 Ахада Апарламент аҧхьа иеизаз ауаа рышҟа ддәылҵит Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵура иамхразы азҵаара ықәзыргылаз Апарламент аҧхьа иеизаз ауаа рышҟа ддәылҵит. 13.03.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит иааираны иҟоу акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазку аусуратә еилацәажәара. Аилацәажәара аартуа, Рауль Ҳаџьымба дазааҭгылеит атәыла аекономикаҿы атуристтә ҟәша иамоу аҵакы ду. «Ҳара лассы-лассы атуристтә ҟәша ҳекономика ҧхьаҟа аҿиара алзыршо ак акәны ишахәаҧштәу ҳҳәоит, аха уи ибзианы аус аурц азы иҟаҵатәу рацәоуп», - иҳәеит Ахада. 13.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала иаҧҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра акурортқәеи атуризми рзы аминистрра аекономика аминситрра аиҭеиҿкаарала Аминистр ҿыц иныҟәгаразы аныхтәқәа финансла реиқәыршәара алыршахоит 2015 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет азы азакәан аҟны аекономика аминистрра аныҟәгаразы иазгәаҭоу ахархәагақәа рыла. 12.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион актив иаҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа. Хәажәкыра 12, 2015 шықәса, Гал. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион актив даҧылеит. Аиҧылара иалахәын иара убас Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, гал араион аҟнытә Жәлар Реизара адепутатцәа Бежан Убириеи Ахра Кәакәасқьыри, Араионтә Еизара ахантәаҩы Иури Кәакәасқьыр, гал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Темур Надараиа, араион ауаажәларра.
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/3325?print=Y&PAGEN_1=147
2024-02-29T09:29:57Z
<urn:uuid:0717272c-1143-42ee-9418-10af4c551ef0>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.77
1
52
9,736
tlsh:T174C517125840CF4BC5F7C4699F915A315DD15C578262B661CEC9F0E00742089EEFCD13A9BAE40A8BA4EB2511E162BF056A0AFCE6257EBED7311200B53E3F38E9378476C59E
Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа акомиссиа 68-тәи аилатәараҿы адеолигархизациа иазку ауснагӡатәқәа рплан рыдыркылеит 12:16, 14.04.2023 Шьалуа Папуашвили Венециатәи акомиссиа ахада лахь ааԥхьара ҟаиҵеит "Адеолигархизациа иазкә" азакәанпроект иадҳәаланы агәанагара ирласӡаны идырмазеирц
https://1tv.ge/lang/ab/news_tag/adeoligarxizatcia/
2024-03-04T01:37:53Z
<urn:uuid:e038cfc1-7413-4d38-b39b-dd910a0934c9>
[]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.67
1
3
526
tlsh:T1E6EA16F0B401DF8BCCF3C1268A45893818E5388BC2617630CED6B921220741DD6FCC13E9FAB80D1B605F1852E152BB27660DBCE5817C7BCB718715651D3E24C6254879CA8D
29 ш. раҧхьа, 1994 ш. абҵарамза 26 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет асессиа 12-тәи ааҧхьараҟны ирыдыркылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәан хада. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа жәлары зегьы рыбжьаҭарала иақәшаҳаҭны ирыдыркылеит 1999 ш. жьҭаарамза 3 рзы. Ари азакәан хада Аҧсны аҭоурых ҿыц аҟны хадара зуа документны иҟалеит. Аконституциа ишьақәнаргылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра исуверентәу идемократиатәу аҟазшьа, иарӷәӷәеит аҳәынҭқарра азинтә принципқәа, атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи хәдықәҵара рызнауит, иара убас иҳәаақәнаҵеит аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ауаажәарратә институтқәеи реилазаареи урҭ русеицуреи. Аконституциа анормақәеи апринципқәеи шьаҭас иҟаҵаны, ҳҳәынҭқарра иалнаршеит ицәырҵуаз ашәарҭарақәа ириааины, жәларбжьаратәи азин ихьыԥшым асубиект аҳасабала азхаҵарахьы инагаз амҩа анысра. Ҳтәылазы акрызҵазкуа абри амш аҽны Аҧсны жәлар ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аихьӡарақәа, акзаара, аизҳазыӷьара». Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16151/
2024-02-28T10:19:14Z
<urn:uuid:25e2af10-632c-4530-9a1c-55f53156b91e>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.85
0.83
0.96
12
2,524
tlsh:T1ED1017514880D74BD2F3C09A9B419E36ACD1280A0272B270CEC9B0B51692059FAFCD12AAEBF5154B79E71211D466BF25A95EEEE5647DAED3305200D13D2F78DC379075C2AF
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа УА аҳҭнықалақь аҟны Москва еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа рыҟны аҵара зҵо астудентцәа дырԥылеит. Ахада-иотель аконференц-зал аҟны имҩаԥысуаз аиԥыларахь иааит 150 инарзынаԥшуа астудентцәа. Аиԥылара аартуа, Аслан Бжьаниа иазгәе итеит, астудентцәа Урыстәыла аҳҭнықалақь аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра хаҭарнакра шазыруа, дара рҵараҟны ирымоу алҵшәақәеи аихьӡарақәеи рыла Аԥсназы агәаанагара шышьақәгыло. «Иахьа Москва әара ихьыԥшым, исуверентәу аҳәынҭқарра хаҭарнакра азыжәуеит. Аԥсуа жәлар хаҭарнакра рзыжәуеит. Аҵара шышәҵо, шәхымҩаԥгашьа зеиԥшрахо еиԥш, қәҿиарақәас ишәымоу иаҿырԥшны ишьақәгылоит акырџьара ҳапсадгьыл – Аԥсна аганахьала ирымоу азыҟазаашьа. Иреиӷьу урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рыҟны аҵара ахьышәҵо шәара адырра ҵаулақәа шәоуеит, урҭ аҩныҟа шәаныхынҳәлак, Аԥсны аҿиараҟны хархәара роуеит. Анаҩс, Ахада аҳәынҭқарра аргылараҟны ихадоу ахырхарҭақәа дрылацәажәеит. Аԥсны аҭоурых иааркьаҿны дналацәажәаны, Аслан Бжьани астудентцәа акырӡа зҵазкуа азҵаара – аԥсуа ҳәынҭқарра аҵакы иазхьаирԥшит.ь «Акыр иаԥсоу астудентцәа! Иахьа уажәраанӡа ҳҿаԥхьа иқәгылоуп аҵак ду змоу азҵаара, уи аҭак ҳара зегьы аӡәа-ӡәала ҳхымҩаԥгашьа ҳәаақәнаҵоит, актәи акурс астудент инаиркны ахада иҟынӡа: изаҳҭахуи ҳара аҳәынҭқарра абриаҟара ахҭынҵаны? Аҭак аҟаҵара агьымариоуп иагьыуадаҩуп – аҳәынҭқарра аԥсуа милаҭ, аԥсуа жәлар аиқәырхара, аҿиара алзыршо мыругоуп. Ари ҳара ҳаҩноуп. Аҩны змам итәы еилкаауп», - иҳәеит Ахада. Аҳәынҭқарра ахада иара убас иазгәеиҭеит ҳазҭагылоу ҳаамҭазы иҟоу иглобалтәу адунеишьақәгылашьаан аҳәынҭқарратә ргылара апроцесс ахьынӡауадаҩу. «Аԥсны апостсоветтә наӡааӡараҟны аԥыхра аполитика раԥхьа изнырыз атәылақәа ируакуп – ари ҳтәыла ЕАР алахәцәа рсиаҟны ианыҟам, адоментә хатәы хьӡи аҭелтә коди анамам, абанктәи, аҳазалхратәи, авиациатәи кодқәеи уҳәа убас егьырҭгьы аҳәынҭқаррабжьаратәи аекономикатәи усеицура ирласны амҩаԥгара алзыршо, насгьы изырманшәало, ахарџьқәа еиҳа изырмаҷуа анамам. Аха ҳара иҟам амеханизмқәа рыхәҭак архынҳәра ҳалшеит иҳадгыло, ҳаиашьаратә Урыстәыла алшарақәа ҳацырхырааны» - иҳәеит Аслан Бжьаниа. Ахада астудентцәа ирзеиҭеиҳәеит аҳәынҭқарратә ргылара стратегиа алхра методикас иҟоу, ҷыдала, иаҵшьны иҳәеит зеиҭашьақәыргылара алымшо ахархәагақәа реиқәырхара иамоу аҵакы, ауаатәҩсатә капитал аҿиара аԥыжәара шамоу атәы. Аслан Бжьаниа астудентцәа адырра риҭеит аҳәынҭқарратә аппарат аусура ахаҭабзиара аиӷьтәра шаҭаху, иара аусура ахырхарҭа амилаҭтә економикеи, аинвесторцәеи, ауаажәларреи рмаҵзура иадҳәалазар шакәу. Убри аан, Ахада игәаанагарала, аҳәынҭқарра аргылараҿы ахадаратә ҭыԥ ааннакылоит аԥсуа жәлар иуникалтәу рҷыдарақәа. "Аԥсуа жәлар акы иаламҩашьо акультуратә ҭахрақәа рымоуп, урҭ рыбжьара иҟоуп аҭоурых иаԥнаҵаз адемократиатә традициақәа, аԥсабареи адгьыли рганахьала ахатә знеишьа аазырҧшуа. Ари аполитикатә, мамзаргьы аекономикатә фактор мацара акәӡам. Ари ҳауаажәлар рыхныҟәгашьа аныҧшуеит", - иҳәеит Ахада. Иара убас иазгәеиҭеит, Аиҳабыра реилазаараҟны ишыҟоу аҿар маҷымкәа, ааигәанӡа истудентцәаз аҿар иаарласны Аиҳабыра реилазаара хадырҭәаар шалшо. Аиԥылара хыркәшо, Ахада иизгәеиҭеит, амилаҭтә усбаратә кадрқәа разыҟаҵаразы иҷыдоу Ацентр аԥҵара ргәы ишҭоу. Аслан Бжьаниа иҳәеит, уи аԥҵаразы иҷыдоу агәаанагарақәа шыҟоу. Ахәҭакахьала, Асовет иалахәхоит иақәнагоу аминистррақәеи аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа рнапхгаҩцәа, анаплакыҩцәа, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа. "Ҳара хықәкыс иҳамоуп урыстәылатәи аусбаратә кадрқәа разыҟаҵара амодель алҵшәа ахархәара, аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рзы Урыстәыла арҵаратә усбарҭақәа рыҟны аԥышәа ду шыҟоу ҳбарҭоуп, аха убри аан амилаҭтә ҷыдара ахархәара иазҳауеит, Аԥсны асоциалтә психологиеи аекономикатә ҭагылазаашьеи азгәаҳҭоит. Убри азы Аԥсны аҳәынҭқарра аҭоурыхи азинқәеи бзианы иҭҵаатәуп, иара убас аԥсуа бызшәа, акультура, милаҭрацәала еиларсу ҳажәлар рқьабзқәа, рыԥсҭазаара ахаҿра дыртәуп", - иҳәеит Аслан Бжьаниа. Ахада иқәгылара хыркәшо, иазгәеиҭеит, Ахада иҟынтәгьы, астудентцәа рҟынтәгьы ишаҭаху Аԥсны аҳәынҭқарра асуверентә хьыԥшымра ахьчара, аԥсуа етноси аԥсуа жәлари еиқәзырхараны иҟоу. Аиԥылара ишиашоу аиҿцәажәара аформат ала ишьақәгылан, астудентцәа аҭагылазаашьа рыман аҳәынҭқарра Ахада азҵаарақәа иҭара. Аиԥылара иалахәын Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟнытә Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16025/
2024-02-29T07:53:09Z
<urn:uuid:6066b5d2-1c8d-4fc7-9f19-0ffb74b80379>
[ "footer" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
0.9
0.99
21
8,926
tlsh:T178ACF80268809B4BD6B3C0599B828A35ACD158034332B760CEC9F4B11696099EFFCD13D6FAF9154B74AB1511D122BB15A60EEDEA647E6EE7308200913C3F38DC37A436D5AE
Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилаки Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилаки аилатәара еицымҩаԥыргеит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҟны имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилаки Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилаки инарҭбаау реилатәара. Уи иалахәын Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны Аԥсны Ахада ихаҭарнак аиустициа аминистр Анри Барцыц, аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭемраз Амқәаб, атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц, Аԥсны агидцәа-аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рзанааҭеидгыла ахаҭарнакцәа. Аилатәара иалахәыз ахәаԥшит «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атуристтә усуразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект. Уи азырхиан аекскурсиамҩаԥгаҩцәа, агидцәа-аиҭагаҩцәа, мамзаргьы атуризм иазку аинструктор иаҳасабала аттестациа ахысразы ахьӡ ақәыргылаҩцәа ирзырхоу аԥҟара хадақәа рышьақәыргылара ахәҭаҟны аус зуа Азакәан аҟны иҟоу агха ариашара хықәкыс иҟаҵаны. Ирыдгалоу арҽеира инақәыршәаны аекскурсиамҩаԥгаҩцәа, агидцәа-аиҭагаҩцәа, мамзаргьы атуризм иазку аинструктор иаҳасабала аттестациа ахысразы ахьӡ ақәыргылаҩцәаны иҟалар алшоит абжьаратә иҷыдоу (абжьаратә азанааҭтә) мамзаргьы иреиҳаӡоу аҵара змоу рыдагьы, абжьаратә иҷыдоу (абжьаратә азанааҭтә) мамзаргьы иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рыҟны аҵара зҵогьы. Иара убас аимак ахылҿиааит аттестациа ахысразы ахьӡ ақәыргылаҩцәа рықәра иадҳәалоу атема. Ажәлагалақәа ҟаҵан аекскурсиамҩаԥгаҩцәа, агидцәа-аиҭагаҩцәа, мамзаргьы атуризм иазку аинструкторс иҟалар ауеит ҳәа зықәра наӡаз ахаҿқәагьы. Адепутатцәа азыӡба рыдыркылеит ари азакәанапроект Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент изаамҭанытәиу асессиа аилатәара амш азҵаара иалаҵаны актәи аԥхьараан адкыларазы. Аилатәараан иахәаԥшит «Амазаратә комплекс» Аҟәатәи аԥсыӡкратә нхамҩа» Аҟәа ақ. Адлеиба имҩа 19 аҟны иҟоу априватизациа иаҵанакуа аобиектқәа реиқәыԥхьаӡа алаҵареи априватизациа азуразы аԥҟарақәа рышьақәырӷәӷәареи рзы» Ақәҵара апроект, азыӡбагьы рыдыркылеит Апарламент ааигәа имҩаԥысуа асессиа аилатәараҟны ашьақәырӷәӷәара рыдгалазааит ҳәа. Инарҭбаау аилатәара мҩаԥигеит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Бадрик Ԥлиа.
https://parlamentra.org/ab/novosti/3991.html
2024-02-24T12:03:34Z
<urn:uuid:a7695256-031c-4075-9a04-b8019c9668e0>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
7
4,269
tlsh:T16601DA915740CF5BD5B3C0589AD2DD3158C068035371B2B0CECCB0B00652059EBACC23EAFAF5158F64EB1526E552BB55B50AFDEA65BC6ED7318215E03D7F34E9365836E2AE
Нельсон Мандела (ԥхынгәымза 18, 1918 ш. — ԥхынҷкәынмза 5, 2013 ш.) — еицырдыруа аполитикатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы. 1994 шықәсазы, зцәеижьи еиқәаҵәаз рахьтә ИуАР раԥхьатәи ахадас дҟалоит, апартеид даҿагыланы дықәԥон. 1993 шықәсазын Нельсон Мандела адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа ианашьан.[1] Нельсон Мандела ихәыҷра[аредакциазура | акод аредакциазура] Аполитик ихьыӡҵәҟьа – Холилала Мандела. Диит рашәарамза 18, 1918 шықәсазы имаҷыз Мфезо захьӡыз қыҭак аҟны, ИуАР аӡиас Мбаше ахықәан ишьҭаз. Аҷкәын иаб Гадла Генри Мандела ихьӡын, уи ақыҭа напхгара аиҭон, насгьы аимшьҭра тембу Маӡалатәи ахеилак далан. Дара рмилаҭ ақьабзқәа рыла, Мандела иаб ԥшьҩык аҳәса иман. Урҭ жәахаҩык ахшара драбны дҟарҵеит – жәҩык аԥҳацәеи, ԥшьҩык аԥацәеи. Нельсон иан Нонгапи – Мандела иаб ахԥатәи иԥҳәыс лакәын. Ахьӡ Холилала ишиашоу еиҭагазар иаанаго, аҵла амахәқәа зҵәахуа ауп, аха иаармарианы иҳәазар «проказник» иаанагоит. Мандела иоуп аҭаацәара ахәыҷқәа зегьы рахьтә ашкол ахь аныҟәара иалагаз. Актәи аурок аҟны арҵаҩы ахәыҷқәа зегьы англыз хьыӡқәа рылҭеит, ус еиԥш атрадициа ыҟеижьҭеи акрааҵуеит. Лара лоуп Манделагьы Нельсон ихьӡызҵаз, абри ахьӡ ала ауп адунеизегьы аҟны деицырдыруагьы дшыҟалаз.[2] Шықәсқәак ааҵхьаны еиԥш, иаби амчра ҿыц иахагылази реизҟазаашьақәа бжьысит аҟнытә, имаҵзура дамырхит. Уи азмырхакәан, иҳәсеи ихәыҷқәеи зегьы нхара ҳәа аҭыԥ ҿыц ахь ирышьҭит, ақыҭа Цгунуҟа. Иҭыԥ иамхра акәу, мамзаргьы даҽаку изыхҟьаз, Гадла Мандела ӷәӷәала дычмазаҩхеит. Иара арыԥҳа чымазара адиагноз изықәыргылан, уи дагьахыԥсааит. Нельсон усҟан жәшықәса ракәын ихыҵуаз, аиҵбыратә классқәа рҟны иҵара хиркәшон. Анаҩс, иҟан аиҳабыратә школ – интернат Кларкбери, уи екстерно далгоит, анаҩс дҭалоит ақалақь Форт-Бофорттәи аметодисттә колледж. Аброуп иара аспорт дахьазҿлымҳахазгьы, еиҳаракгьы иара игәаԥхеит абокси аҩреи, иԥсҭазаара зегьы арҭ аспорт хкқәа ирызкын.[3] 1939 шықәсазы Мандела дҭалоит Форт-Хертәи ауниверситет, иара раԥхьатәиин ИуАР инхоз рахьтә зцәеижьи еиқәаҵәаз рахьтә иреиҳаӡоу аҵарадырра заурц зҽазызшәаз. Аха иҵарадырра аизырҳара хыркәшан актәи акурс аҟны. Иҟалаз уи ауп, Нельсони егьырҭ астудентцәеи абаикот иалахәын, астуденттә хеилак ахаҭарнакцәа ралхрақәа алҵшәақәа шыргәамԥхаз аарԥшуа. Нельсон уаҳагьы ауниверситет дзалымгеит, 1941 шықәса рзы иара нхара ҳәа дцоит ладатәи африкатәи Ареспублика ахь зегьы иреиҳаз ақалақь – Иоханнесбург ашҟа, уа ашахта аҟны хьчаҩык иаҳасаб ала аусура далагеит. Абас иалагеит иара иџьатә биографиа. Аамҭак анаҩс азиндырратә усҳәарҭахь диасуеит, аклерк еиҵбы имаҵзурахьы.[4] Иусура инаваргыланы – азаанаҭдырҩы имаҵзура аҟны Нельсон Мандела Лада-Африкатәи ауниверситет латәарадатәи аҟәша астудентс дҟалоит. Уи даналга ашьҭахь агуманитартә дыррақәа абакалавр ҳәа адиплом ирҭоит. Нельсон иҵара иациҵоит, дагьҭалоит Витватерсрандатәи ауниверситет азиндырратә факультет. Ара раԥхьаӡа акәны драбадыруеит Гарри Шварци Джо Словеи, дара аԥхьаҟа аиҳабыра рҟны аминистрцәа рмаҵзурақәа ааныркылоит.[5] Аполитикатә қәԥара алагара[аредакциазура | акод аредакциазура] Ауниверситет аҿы аҵара аниҵоз Мандела даара аполитика дагәыланахалеит. Иара атәыла аҟны амчра африкатәи арадикалтә идеиақәа анырра ӷәӷәа ирҭеит, лассы-ласс аизарақәа ихы рылаирхәуа далагеит, урҭ ирылахәын Африкатәи амилаҭтә конгресс зцәеижьи еиқәаҵәаз аинтеллектуалцәа. Иара убасгьы, Нельсон ақәгыларақәа, амитингқәа ихы рылаирхәуеит, урҭ ззырхаз аҭыԥантәи ауааԥсыра адгылара рзыҟаҵара акәын. 1948 - тәи ашықәс азы амчра африкатәи Амилаҭтә партиа ахь ииасит, убри ашьҭахь ари аҳәынҭқарра апартеид аполитика апропаганда азура иалагеит.[6] Нельсон амаӡаныҟәгаҩ хада имаҵзура иоууеит, аамҭак анаҩс африкатәи амилаҭтә конгресс аҟны Мандела Аҿар рлига дахагылоит. Иара ибзоурала иаԥҵахеит амчра ахымхәыцра Акомпаниа,1955 шықәсазы иара аԥшьгара ҟаиҵоит зых иақәиҭу ажәлар Рконгресс аизгаразы. Мандела ауаа дрыцхраауан иполитикатә қәгыларақәа рнаҩсангьы. Уи иоуп зцәеижьы еиқәаҵәаз ауаа рзын раԥхьатәи азиндырратә усбарҭа аԥызҵаз. Уа ауаа еиқәаҵәақәа хәыдаԥсада адемократиатә принципқәа аус рыдиулоит, урҭ рыла аԥхьаҟа напхгараҭара иалагоит Лада-Африкатәи ареспублика аҟны, «Хартиа свободы» иахьӡын. Арҭ апринципқәа рсиаҿы ихадоу документхеит, уи ашьаҭала иргылахеит апартеид аполитика иаҿагылоз қәымчрадатәи ақәԥара, аҿиара иаҿыз ИуАР. Ус иҟан 60-тәи ашықәсқәа рылагамҭанӡа, усҟан Мандела еиликааит ҭынчымҩала акгьы ӡбашьа шамам. Иара иаԥиҵоит арадикалтә партиа «Умконто ве сизве», уи азхиан бџьаршьҭыхралатәи ақәԥара. Ари аиҿкаара алахәылацәа аиҳабыратәии арратәии обиектқәа рыԥжәара иалагеит. Анаҩс, дара рҽыԥхьакны апартизантә еибашьра иалагеит. Ҭагалан 1962 шықәсазы Мандела иқәыӡбоит, уи хәышықәса иқәҵаны ддырбаандаҩуеит, ақәгыларақәа ахьеиҿикаауази, изакәанымкәа аҳәаа дахьахысызи рзы. Анаҩс, Нельсон идрыԥхьаӡалоз ацәгьоурақәа рсиа иахьацлаз хәышықәса рхаҭыԥан, иԥсҭазаара зегьы ҭакрыла ахгара иқәырҵеит.[7] Абахҭеи апрезидентреи[аредакциазура | акод аредакциазура] Мандела иԥсҭазаара зегьы аҟнытә 27 шықәса ҭакрыла ихигеит. Егьырҭ аполитикатә баандаҩцәа инарҿырԥшны, уи иҭакышьа аҭагылазаашьақәа даара ицәгьан, зин ҷыда ҳәа акагьы имамызт. Мандела дахьҭакыз ашәҟәқәа рыҩра азин иман, аха уигьы фымз рахь знык акәын. Аҭел асрагьы азин иман шықәсыбжак ахь знык. Аха зых иақәиҭыз иҩызцәа даара адгылара изыҟарҵон Нельсон дахьҭакыз, урҭ роуп изыбзоуроугьы Нельсон Мандела ихьӡ адунеи иадыруа аҟаҵара.[8] Акыр адунеитә кьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа лозунгла иҭәын, урҭ ирыҩуан «Нельсон Мандела ахақәиҭра ишәҭ» ҳәа. Уи анаҩсангьы, абахҭаҿы иҟазаара аан зцәеижьи еиқәаҵәаз апартеид иаҿагыланы иқәԥоз Нельсон Лондонтәи ауниверситет дастудентхоит, азиндырра абакалавр идипломгьы иоуеит. Абахҭаҟны дшыҟаз 1981 шықәсазы Нельсон ари ауниверситет ҳаҭыр зқәу аректорс аҟаларазы икандидатура ықәиргылоит, аха аиааира изымгеит. 80-тәи ашықәсқәа рзы атәыла анапхгара акыр аусқәа аднакылоит аполитики дареи реизыҟазаашьа аҟны компромисск иазнеирц. Мандела идыргалоит ихы иақәиҭтәра, аха уи азын иара апартеид даҿагыланы ақәԥара даҟәыҵыр акәын. Ас еиԥш ажәадгала ҳәарада нельсон мап ацәикит, ахақәиҭрагьы имоуит.[9] Зегьы аҽаԥсахит 1989 шықәсазы, усҟан ИуАР ахадас дҟалеит Фредерик Вилл Клерк, аиҳабырагьы Африкатәи амилаҭтә конгресс аусура азы азин ҟанаҵеит. Шықәсык ааҵхьаны Мандела идгылаҩцәеи иареи рхы иақәиҭыртәуеит. Нельсон де Клерк ихы дахьақәиҭитәыз азы даара дизгәдуун, аха арҭ аполитикцәа реизыҟазаашьақәа уеизгьы аибарххара рыбжьан. Дара рҩыџьагьы адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа роуит, аха абригьы еизааигәанамтәит. Иҟалаз уи ауп, Мандела ихы данақәиҭыртә ашьҭахь, дырҩегьых, аиҳабыра дырҿагыланы ақәԥарақәа дырзыгьежьит, урҭ лассы-ласс аидысларақәеи атерактқәеи рахь ииасуан. Нельсон ақәгыларақәа мҩаԥигон амчрақәа ахара рыдҵо. Мандела иџьабаагьы баша имыӡит, 1994 шықәсазы имҩаԥгаз атәылаҟны раԥхьатәи адемократиатә алхрақәа рыбзоурала, Нельсон дпрезидентхоит, иара 62% алхыҩцәа рыбжьқәа иоуит. Ари аҭыԥ аҟны хәышықәса дыҟан. Ари аамҭа иалагӡаны илшеит ахәыҷқәеи зыбаҩзтәымыз аҳәсеи рзы хәыԥсадатәи амедицина рзеиҿкаара, жәиԥшь шықәса рхыҵаанӡа ахәыҷқәа ашкол аҟны хәыдаԥсада аҵара рҵон, зегьы ацхыраагӡақәа роуан, ақыҭаҟны инхоз рхы аныҟәгаразы адотациақәа рзаԥҵан. Абарҭқәа рнаҩсангьы, Мандела ибзоурала азакәан ҿыцқәа алагалан, адгьыл, аусуратә еизыҟазаашьақәа, аусура алагаразы зегьы ирзеиԥшыз аҭагылазаашьақәа уҳәа реиԥш иҟаз азакәанԥҵаратә актқәа. Нельсон Мандела иаамҭазтәи иеиҳабыра, афыцамҩангара, аҭелтә цәаҳәақәа рымҩангара, анхарҭатә сектор аргылара, амедицинатә усбарҭақәа рыргылара рнапы алакын. Мандела ԥхьатәара дцеит 1999 шықәса рзы, аха ауаажәларратә ус мап ацәимкит. Иара СПИД ачымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара аиҵатәра азҵаарақәа дырҿын, насгьы ари апроблема атәыла аҟны иаартны иалацәажәо иҟаиҵеит. ИуАР иахьа уажәраанӡагьы ари ачымазара иахҟьаны зегьы иреиҳаны ауаа ахьыԥсуа тәылоуп.[10] Нельсон Мандела ихатәы ԥсҭазаара[аредакциазура | акод аредакциазура] Нельсон хынтә аҳәса ааигахьан. Раԥхьа ԥҳәыс дигеит 1944 шықәсазы. ԥҳәысс иигаз Евелин Маказива илыхшеит ҩыџьа аԥҳацәеи ҩыџьа аԥацәеи. Иреиҵбыз – Маказива Мандела жәшықәса анылхыҵуаз лыԥсҭазаара далҵит. Аҭаацәа еилыҵит 1958 шықәсазы. Ианеилыҵ анаҩс, иаарласны, Нельсон иԥсҭазаараҿы дцәырҵуеит Винни Дламини. Ари аҭаацәара аҟны Мандела иоуеит ҩыџьа аԥҳацәа – Зенани Зиндзи. Документла Мандела Винни дылхаҵан 1994 шықәсанӡа, аха дара еилыҵит аполитик абахҭа данҭарк.[11] Нельсон ахԥатәи иԥҳәыс Граса Машел, ари лакәхеит, ахҭыс ҟалеит 1998 шықәсазы. Граса Машел дполитикын, лыԥшәмеи лареи еицырзеиԥшыз акыр аинтересқәа рыман. Мандела иԥсҭазаара далҵаанӡагьы иааигәара дыҟан. Нельсон иԥсы анҭаз иихьан жәибыжьҩык имаҭацәеи, жәиԥшьҩык имаҭацәа ирыхшази. Иԥсҭазаара зегьы иалагӡаны аполитик иҭижьиз иҩымҭақәа рахьтә зегь реиҳа еицырдыруа иҟалеит иқәгылара «Сара аԥсра сазыхиоуп», уи иара иҩит 1964 шықәсазы аӡбарҭа аҟны, иара убасгьы «Ахақәиҭрахь ихараз амҩа». Даара имаҷымкәа аинтерес аман ишәҟәы «Ақәԥара – ари сара сыԥсҭазаара ауп», аизга «Схала схы ацәажәара», арҭ ашәҟәқәа иҩит данҭакыз аамҭазы.[12] Нельсон иԥсра[аредакциазура | акод аредакциазура] 2013 шықәсазы, аԥхын, Нельсон ахәышәтәырҭа дҭашәоит, ирыԥҳа ачымазара даара иӷәӷәаны ахы инардыруа иахьалагаз азы. Ахәшәтәра акраамҭа имҩаԥысуан, иагьхыркәшан цәыббрамзазы. Аполитик иҭагылазаашьа, иҳақьым иажәақәа рыла, иуадаҩын, аха иҭышәынтәалан, ус шакәызгьы абҵарамзазы Нельсон деицәахеит аҟынтә ирыԥҳақәа аҵәыҵәри аппарат иаҿаркуеит. Аҳақьымцәа ирылшоз зегьы ҟарҵон, аха ԥхынҷкәынмза 5, 2013 шықәсазы Мандела игәы аанкылоит. Нельсон Мандела усҟан 95 шықәса ихыҵуан. Хымш ирылагӡаны ИуАР аҳҭнықалақь аҿы аныҟәарақәа зегьы аанкылан, арҭ амшқәа рзы бзиа еицырбоз аполитик зықьҩыла ауаа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргон. Нельсон иԥсыжра еиҿкаан ԥхынҷкәынмза 15, 2013 шықәсазы Цгуну ақыҭан, ихәыҷрашықәсқәа зегьы ахьихигаз.[13] Аинтерес зҵоу афактқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Мандела ахьыӡқәа хԥа иман, данниз Холилала ихьӡырҵеит. Англыз хьӡы Нельсон ашкол аҟны иоуеит. ИуАР Нельсон Мандела дырдыруеит иара убасгьы, Мадиба ҳәа (ари ажәлар коса рклан хьӡқәа иреиуоуп). Мандела 1964 шықәсазы иԥсҭазаара зегьы ҭакрала ахгара иқәҵан. Иҭакра аамҭа аиҳарак адгьылбжьаха Роббен ихигеит. Анаҩс, ҷыдалатәи арежим ахьыҟаз абахҭа Поллсмур ахь диаган. Ҭакрала ихигаз 27 шықәса рахьтә 17 шықәса акамера аҟны ихала дҭакын, уа шықәсыбжак ахь знык аҭел асреи, салам шәҟәык аҩреи ракәын зинс имаз. Иҭакра аамҭа иалагӡаны Мандела латәарада Лондантәи ауниверситет дҭаланы далгеит.[14] 1990-тәи ашықәсазы ИуАР аиҳабыра Мандела ихы дақәиҭнатәуеит. 27 шықәса аҟынтә аҵыхәтәантәи амзақәа ахьихигаз Кеиптаунтәи абахҭа «Виктор Верстер» аҟны иахьа Мандела ибаҟа гылоуп. Нельсон иԥа еиҳабы – Тембекиле амҩатә машәыр аан дҭахеит, иара абахҭа данҭакыз аамҭазы. Иԥа иԥсыжрахь анеира ИуАР амчрақәа азин ирымҭеит. 1994 шықәсазы иара дҟалоит зцәеижьи еиқәаҵәаз рахьтә ИуАР раԥхьатәи ахадас, уи апартеид даҿагыланы дықәԥон. 1993 шықәсазын Нельсон Мандела адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа ианашьан. Хәышықәса президентс иҟазаара иалагӡаны, Мандела илшеит ахәыҷқәеи зыбаҩзтәымыз аҳәсеи рзы хәыԥсадатәи амедицина рзеиҿкаара, жәиԥшь шықәса рхыҵаанӡа ахәыҷқәа ашкол аҿы хәыдаԥсада аҵара рҵон, зегьы ацхыраагӡақәа роуан, ақыҭа аҿы инхоз рхы аныҟәгаразы адотациақәа роуан. Абарҭқәа рнаҩсангьы, Мандела ибзоурала азакәан ҿыцқәа алагалан, адгьыл, аусуратә еизыҟазаашьақәа, аусура алагаразы зегьы ирзеиԥшыз аҭагылазаашьақәа уҳәа реиԥш иҟаз азакәанԥҵаратә актқәа. Нельсон Мандела иаамҭазтәи иеиҳабыра, афымцамҩангара, ателтә цәаҳәақәа рымҩангара, анхарҭатә сектор аргылара, амедицинатә усбарҭақәа рыргылара рнапы алакын.[15] 1999 шықәсазы иара аполитика аҟынтәи дцоит. 2009 шықәсазы Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара ԥхынгәымза 18 Нельсон Мандела Имш ҳәа рыланаҳәеит. 80 шықәса анихыҵуаз Нельсон Мандела Мозамбик ахадас иҟаз, зхаҵа дыԥсхьаз, Граса Машел ԥҳәысс дигоит. Граса Машел адунеи аҟны ҩ-тәылак рхадацәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы дрыԥшәмаԥҳәысын. 2011 шықәсазы Мандела 93 шықәса зхыҵуаз 12 миллионҩык инарыцны ашколхәыҷқәа аамҭак ала адныҳәаларатә ашәа изырҳәеит. 2009 шықәсазы Нельсон Мандела иԥсҭазаара шьаҭас иҟаҵаны иҭыхын анысмҩатә фильм – адрама «Непокорный».[16] Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура] ↑ https://bigenc.ru/world_history/text/5210902 ↑ https://24smi.org/celebrity/1304-nelson-mandela.html ↑ https://biographe.ru/politiki/nelson-mandela/ ↑ https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-nelson-mandela.html ↑ https://theperson.pro/nelson-mandela/ ↑ https://www.bbc.com/russian/international/2013/12/000000_obituary_mandela ↑ https://www.forbes.ru/mneniya-column/mir/241334-nelson-mandela-simvol-stavshii-politikom ↑ https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-nelson-mandela.html ↑ https://news.un.org/ru/story/2019/07/1359571 ↑ https://gazeta.ua/ru/articles/history/_nelson-mandela-sidel-v-tyurme-18-let/751701 ↑ https://interesnyefakty.org/nelson-mandela/ ↑ https://www.un.org/ru/events/mandeladay/legacy.shtml ↑ https://www.vedomosti.ru/politics/articles/2013/12/06/skonchalsya-eks-prezident-yuar-nelson-mandela ↑ https://www.peoples.ru/friday/25_facts_about_nelson_mandela.html ↑ https://vm.ru/politics/148938-7-interesnyh-faktov-o-nelsone-mandele ↑ https://gazeta.ua/ru/articles/necrology/_pervyj-temnokozhij-prezident-provel-v-tyurme-27-let/807574 Авторитет змоу адыррақәа Ажәларбжьаратә FAST ISNI VIAF Амилаҭтә Норвегиа Чили Испаниа Франциа BnF data Каталониа Германиа Италиа Израиль Бельгиа ЕАА Швециа Латвиа Таиван Иапониа Чехиа Австралиа Бырзентәыла Кореиа Руминиа Хорватиа Недерланд Польша Португалиа Ватикан Академикцәа CiNii Артистцәа MusicBrainz Te Papa (New Zealand) ULAN Ауаа Deutsche Biographie Trove Егьырҭ NARA SNAC IdRef Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Мандела,_Нельсон&oldid=135139 Акатегориақәа: Ԥхынгәымза 18 рзы ииз 1918 шықәсазы ииз Ԥхынҷкәынмза 5 рзы иԥсыз 2013 шықәсазы иԥсыз Ицәыргам акатегориақәа: FAST аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа ISNI аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа VIAF аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа BIBSYS аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа BNC аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа BNE аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа BNF аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа BNFdata аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа CANTICN аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа GND аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа ICCU аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа J9U аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа KBR аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа LCCN аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа Libris аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа LNB аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа NCL аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа NDL аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа NKC аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа NLA аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа NLG аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа NLK аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа NLR аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа NSK аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа NTA аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа PLWABN аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа PortugalA аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа VcBA аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа CINII аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа MusicBrainz аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа TePapa аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа ULAN аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа DTBIO аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа Trove аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа NARA аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа SNAC-ID аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа SUDOC аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 12:48, 28 ажьырныҳәамза 2024. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9C%D0%B0%D0%BD%D0%B4%D0%B5%D0%BB%D0%B0,_%D0%9D%D0%B5%D0%BB%D1%8C%D1%81%D0%BE%D0%BD
2024-02-24T19:51:14Z
<urn:uuid:3d6d81f3-b067-4f34-ae14-18c4dd01ccac>
[ "footer", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.89
0.83
0.91
102
26,587
tlsh:T1F44B27C2AD40DB4BC6B3C499CF9089352CD1A85386327272CEC5F5B12942099EBFCC129AFEF8169A745B1622E166BF546A0AFCD925BD7FD7608240E12C3F34DE236436D6DE
Шьалуа Папуашвили Аусецуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара апарламенттә ассамблеиа ахада дылԥылеит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Шьалуа Папуашвили Аусецуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара апарламенттә ассамблеиа ах... Иҵегь аҭагалара Шьалуа Папуашвили Аусецуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара апарламенттә ассамблеиа ахада дылԥылеит 13:11, 15.11.2023 Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Аусецуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара апарламенттә ассамблеиа ахада Пиа Каума дылԥылеит. Апарламент апрессмаҵзура аинформациа ала, Шьалуа Папуашвили Пиа Каума ассамблеиа ахадас лалхра лыдиныҳәалан, ақәҿиарақәа илеиӷьаишьеит. “Аиԥылараҿ ирыхәаԥшит арегион аҟны аҭыԥ змоу ахҭысқәеи Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат статус анашьара азҵаареи. Иаҵшьны иазгәаҭан арегионтә ҭынчра аҵаки Қырҭтәыла ароли Азербаиџьани Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа рырҿиара аус аҿы. Пиа Каума Қыҭтәыла имҩаԥгаз аареформақәа ахәшьара ҳарак алҭан, Еврокомиссиа Қырҭтәыла иазкны арекомендациа бзиа ахьыҟанаҵаз ҳадылныҳәалеит. Аусецуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара апарламенттә ассамблеиа ахада лажәақәа рыла, Европеи Азиеи рыбжьара Қырҭтәыла агеографиатә лагылазаашьа ҷыда амоуп , Қырҭтәыла аԥеиԥш арегион азы аҵак ҷыда амоуп”, – иануп Апарламент апрессмаҵзура аланарҵәаз аинформациа аҿы. АПОЛИТИКА Шьалуа Папуашвили 6 Еиҧшу Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла европарламентарцәа рцәахыхратә ҳәамҭақәа рыдгылара мап аҵәнакыроуп, ари аҟаҵаразы аамҭа ааит Шьалуа Папуашвили – Америкеи ҳареи ҳстратегиатә партниорра аекономикеи, ауаа рыбжьара аимадареи, авизада анеиааиреи, ишиашо авиареисқәеи, аинвестициақәеи ирныҧшроуп Шьалуа Папуашвили - Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рдонорцәа ирароуп, атәылантә ҳдәылцреи, атәыла рхала анапхгараҭареи аума ирҭаху, аӡбарҭа аилазаашьа ашьақәырӷәӷәара атәым тәылақәа ирусым Шьалуа Папуашвили - Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи разықәԥараҿ украинатәи жәлар рфырхаҵара иҿырԥшыгоуп, ари еиҟарам аибашьраҿ Қырҭтәыла Украина адгылоит Шьалуа Папуашвили - Адонорцәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит, апартиақәа рфинасркра иадҳәалоу NGO ԥаршеиқәа раԥыхра иазкны, ақырҭуа партиақәа атәымтә ԥара анроуа, ари Қырҭтәыла асуверенитет еиланагоит Шьалуа Папуашвили - Аиункерцәа рҭоурых еснагь иҳгәаланаршәоит ақырҭуа милаҭ ампыҵахалара ахаан шақәшаҳаҭуам Шьалуа Папуашвили - Ҳԥыза-министр иеиԥш, актәи авизила Бриуссель саҭааит, Саакашвили раԥхьаӡатәи ивизитла Москва ддәықәлеит Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла евроатлантикатә қәыԥшылараҿ аинтеграциазы алшо зегь ҟанаҵоит - абри ауп Бриуссель ашҟа ҳашьҭымҭа хада Шьалуа Папуашвили NDI алхратә жәларбжьаратә анаԥшратә миссиа ахаҭарнакцәа дырԥылеит Шьалуа Папуашвили - "Ақырҭуа гәахәтәы" алхрақәа рҿы аиааира шаго аӡәгьы агәыҩбара имам Амш зеиҧшрахо 4° ашә Қaрҭ аҩ 3° Ах 5° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, Ҟрымтәи адгьылбжьахабжьа аганахьала адронқәа рыла ажәылара мҩаԥган, урыстәылатәи аҳирхьчаратә мчқәа 38 дрон карыжьит
https://1tv.ge/lang/ab/news/sh%D1%8Calwa-papwashvili-awsetcwrei-ashar%D2%ADadarei-rzm-evropati-aitchvkaara-aparlamentt-assambleia-axada-dml%D4%A5mleit/
2024-03-04T02:30:45Z
<urn:uuid:b1791574-685e-4528-ba36-f9822257085f>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.62
0.96
45
5,774
tlsh:T18CBB5CC17B04DA0BC473C9598F9189317DD229068362B260CED5F8715A4559DDFFCC13E9F9EC0A0E309F1561E121BF116B49FCEA55BDBBE7719200E02E7E34EA23A872C6AD
Атәылақәа зегьы хықәкс ирымоуп абизнес азы ихырҳагоу аҭагылазаашьа шьақәдыргылар. Қырҭтәылагьы абри амҩа алнахит, – иҳәеит авице-аԥыза, Аекономикеи иҭышәынтҩәылоу аҿиареи рминистр Леван Давиҭашвили „Қарҭтәи Абырфынтә мҩа афорум” данахцәажәоз. Леван Давиҭашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла иҭшәарҭам иҭышәынтәалоу, узықәгәыӷыша партниорс шьақәгылеит. Авице-аԥыза ишазгәеиҭаз, анапхгара хықәкы хадас ирымоуп атәымтә партниорцәа рзы ихырҳагоу аҭагылазаашьа аиҿкаара. “Блумберг имҩаԥнагаз 2022 шықәсатәи есышықәсатәи аглобалтә аҭҵаараҿ ишаарԥшу ала, Қырҭтәыла ихырҳагоу аинвестициатә қәыԥшылароуп, аԥхьагылара змоу аекономикақәа рыгәҭа аинвестициақәа рганахьала 13-тәи аҭыԥ ааннакылоит. Ари ацифрақәа рыла шьақәырӷәӷәоуп. Атәылақәа зегьы хықәкс ирымоуп абизнес азы ихырҳагоу аҭагылазаашьа шьақәдыргылар. Қырҭтәылагьы абри амҩа алнахитю Қырҭтәыла иҭшәарҭам иҭышәынтәалоу, узықәгәыӷыша партниорс шьақәгылеит“, – иҳәеит Давиҭашвили. АЕКОНОМИКА Левaн Дaвиҭaшвили 6 Еиҧшу Леван Давиҭашвилии Emaar Properties ашьаҭаркҩи Қырҭтәыла аԥара злеиҵар иҭаху апроектқәа ирылацәажәеит Леван Давиҭашвили, Давос, америкатә афинанстә институт ду Bank of America аделегациа алахәылацәа дырҧылеит Леван Давиҭашвили – Сынтәатәи Давос аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳара Қырҭтәыла атранспорт-логистикатә потенциали, ҳтәыла алшарақәеи, арҭ алшарақәа рырҭбаара иазку аинвестициақәеи ҳрылацәажәоит Леван Давиҭашвили - Давос акрызҵазкәа платформоуп, абизнесменцәа рҟны имҩаҧааго аконкреттә аиҧыларақәа инарываргыланы, аҧыза-министр иакымкәа апанельтә дискуссиақәа ихы рылеихәоит Леван Давиҭашвили - Қырҭтәыла анапхгара Урыстәылаҟны акомпромисс ма аусеицура иазкыз ахарадҵарақәа ирыхәамԥшыкәа, афактқәа даҽа ҭагылазаашьа ҳдырбоит Леван Давиҭашвили - Ишиашоу атәымтә инвестициақәа рганахьала сынтәагьы апозитивтә динамика нагӡоит, урҭ рхыԥхьаӡара миллиард доллар еиҳахеит Қырҭтәылеи Катари амшынуаа рсертификациа азхаҵара иазку амеморандум рыбжьарҵеит Леван Давиҭашвили – «Абырфын мҩа афорум» алахәылацәа рырацәара алагьы иубарҭоуп аҳәынҭқаррақәа рацәа Қырҭтәылеи ҳтәыла аекономикатә тенденциақәеи ишрызҿлымҳау Леван Давиҭашвили – Ҳара хықәкыс иҳамоуп Китаи еиуеиҧшым ақалақьқәа рахь есымша жәаба раҟара ареисқәа рымҩаҧгара Амш зеиҧшрахо 10° амҽ Қaрҭ ашә 11° аҩ 14° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/levan-davi%D2%ADashvili-htmla-i%D2%ADshar%D2%ADam-i%D2%ADmshmntalow-wzmqgm%D3%B7msha-partniors-khaleit/
2024-03-03T04:50:26Z
<urn:uuid:fbf912f7-d230-492c-8016-5ac15155c25b>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
0.6
0.97
30
5,195
tlsh:T16D2AAFB17C84CB4BC173C5588E928D367CE2551786227760CED5B87157590D8EFFCD12A9F8E8098F649B1512D152BF142606ECE768BEBFE7714201A42E3E24DE33A436C65E
«Адырра ҿыц» - «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект ҿыц. Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, арҵаратә усбарҭақәа акомпиутертә классқәа рыла еиқәнаршәоит. Еиуеиҧшым аусбарҭақәа русура ахаҭабзиара аиӷьтәразы ихымҧадатәны иҧхьаӡоуп ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рхархәара. Иаҳҳәозар: акомпиутерқәа, иҟәышу акласс ӷәқәа уҳәа, адунеи ҿыц адыррахь ахь уцәырызго амаҭәарқәа. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусура аамҭа иалагӡаны, акомпиутертә техникақәа рыла еиқәнаршәахьеит ашколқәа, абиблиотекақәа, араионтә администрациақәа, иара убас егьырҭ аусбарҭақәа. Акультуреи Аҵарадырреи Инарҭбааны Ақәранҵыра Апроект «Ақәранҵыра» акыр шықәса зхыҵуа абыргцәа ирызкуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны шәышықәса иреиҳау ауаа ацхыраара рынаҭоит. Ақәра ду нызҵуа ауаа, ҳҭоурыхи ҳқьабзқәеи иузырҟәымҭхуа ирыдҳәалоуп. Ас еиҧш иҟоу абыргцәа, ирхыргахьоу ауадаҩрақәа азгәамҭакәа, адоуҳатә беиареи ақьиареи еиқәдырхоит. Аҧсуара Инарҭбааны «Атеатри ахәыҷқәеи» - аҟазареи абзиабара рылааӡара. «Атеатри ахәыҷқәеи» - афонд еснагьтәи проектуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, есымза, Аҧсны араионқәа рҟынтә знык, ахшара рацәа змоу, иара убас зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рҟынтә ахәыҷқәа алшара рымоуп аҳҭны қалақь аҟны иҟоу атеатрқәа руак аҿы аспектакль ахәаҧшра. Ахәыҷқәа ирбоу аҟазара анаҩс, анашанатә дунеи аҧсҭазаарахь ршьаҿақәа еихыргоит, уи хьӡысгьы иамоуп «Атеатр». Хымҧада, ахәыҷқәа рзы уи арызҵазкуа хҭысуп. Аспектакль анаҩс, ахәыҷқәа рзы афонд еиҿнакаауеит ақалақь аҩныҵҟа аныҟәарақәа. Акультуреи Аҵарадырреи Аҿар Инарҭбааны «Агәабзиара» -ахәыҷқәа ргәабзиарахьчара ахьчара «Агәабзиара» - афонд еснагьтәи проектуп, ахәыҷқәа ргәабзиарахьчара ахьчара иазкуп. Апроект хықәкыс иамоуп ачымазара зыцны ииз ахәыҷқәа ргәабзиара ашьақәыргыларазы ҳҳәынҭқарраҿы аус зуа ареабилитациатә центр адгылара, аматериалтә цхыраара азура. Асоциалтә Инарҭбааны «Агәамч» - аспорт абзиабара рылааӡара Агәамч - афонд еснагьтәи проектуп, еизҳауа абиҧара аспорт абзиабара рылааӡара иазкуп. Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, есымза «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҳтәыла ақыҭа школқәа аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәнаршәоит. Ақыҭақәа рҿы аспорт аҿиара ацхыраара аҭара, уаҵәтәи аҧеиҧш лаша иазкуп. Аҿар Инарҭбааны Агәыразра – аҵаҩцәа рзы ацхыраара Еснагьтәи афонд апроект, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау ашкол аҵаҩцәа рыцхыраара иазкуп. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», есымза, жәаҩык ашколхәыҷқәа , аӡәыцыҧхьаӡа, аанызқь мааҭ аҧара аҳәаақәа ирҭагӡаны,ирыгу ирыбзоу амаҭәақәеи, ашкол аҟны рхы иадырхәо амаҭәахәқәеи рзаархәоит. Апроект аусура аҟны адгылара ҟанаҵеит Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра. Урҭ, афонд, асиа рзышьақәнаргылеит, амамзаара иахҟьаны, ашкол ахь имцоз ахыҷқәа рсиа ашьақәыргылараҟны. Аҿар Асоциалтә Инарҭбааны «АҦЕИҦШ» - ҭаацәарақәа дуу рыцхырааразы. Ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рыцхырааразы, апроект ҿыц «Аҧеиҧш» аусура хацнаркит Адемографиеи Арепатриациеи Асоциалтә Инарҭбааны «Ани амаалықьи» «Жәлабжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала апроект ҽыц аусура иалагеит. Уи хьӡыс иамоуп «Ани амаалықьи». Апроект аҧсуа ҭаацәарақәа рҿы ҿыц ииуа ахәыҷқәа ирызкыуп. Даара агәырӷьара зцу хҭысуп, аҭаацәараҿы ахәыҷы иира. Уи ҳара ҳфонд адгылара анаҭоит. Убри азыҳәан иҳархиеит аҳамҭақәа, ан лымаалықь иааӡараҿы ацхыраара лнаҭоит ҳәа хықәкыс иҟаҵаны. Уи еиднакылоит ахәы зҭарҵо аҧаҭлыкақәа, ацәымҳа, ашоурашәага, акремқәа уҳәа. Убри инаҷыданы, ахәыҷы ииашаны иааӡараҿы ан лхы иалырхәо ашәҟәы, ахәыҷқәа рзы аҧсуа шәҟәқәа, ахәыҷқәа рашәақәа зну адиск. Адемографиеи Арепатриациеи Асоциалтә Инарҭбааны "Академиа" - Арҵаратә центр Арҵаратә центр «Академиа» - «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» еснагьтәи апроектқәа ируакуп. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, алшара ыҟоуп аҵарадырра аганахь ала ахәҧса шәаны абызшәақәа рҵара. Иаҳҳәозар: аҧсшәа, англыз, араб, аиспан, аиталиан, аурыс, аҭырқәа бызшәақәа. Зҧышәа ҳараку арҵаҩцәа аус руеит ҳаамҭа иақәшәо аметодика ахархәарала, убри аан атехника рхы иархәаны. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧысуеит ашколхәыҷқәа рзеиҧш, астудентцәеи, аиҳабацәеи рзы.
http://fondapsny.org/ab/proekty/aproektka
2024-02-21T12:04:09Z
<urn:uuid:3470b09a-0d77-425b-82b9-f89e8d2ec407>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.79
0.99
29
7,258
tlsh:T1381A25E18B44DB4BC673C185DA828E3A18D168078323B2308FCEB475154509DFAFCC12AAFBF90A5AB0EB1115D265BE616A0EECDD397CABE3315250A06D3F39CD17A436C5EE
Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа 90 шықәса ихыҵра инамаданы Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аинформациатә портал ишәыднагалоит Аԥсни уи аԥеиԥши ирызку иҳәамҭақәа. "Еснагь имариамзаргьы, уҿы еиманаҳәахуа иашазаргьы, аиаша аҳәара ҳҽаҳаршьцылароуп. Ахәыҷы аҿгьы аду аҿгьы..." 1 "Иахьа уажәраанӡа, зыбжеиҳара мцала икылблаау аҭоурых змоу, зхатәы бызшәа, зхатәы культура змоу, зегьы рыԥсы злахо агаҿа тәыла ԥсадгьылс измоу – жәларны ҳҟазҵо зегьы, зыҵа кылжәаз аԥҳал аиԥш, инаҵыкәкәа ицоит, ҳаргьы баша хыԥхьаӡаран аԥслымӡ ҳаалахоит. Убасҟан ауп ҳазлаҟаз зыԥсаз анаадырша, аха уанӡа ианнеи, ҳаӷеимшхара, хнырҳәышьа аиуӡом. Ус акәымкәа, аҽакала иӷәӷәоу, аҽакала еиҿартәу ажәларқәа, аҳәынҭқаррақәа рԥышәа, ауаатәыҩса зегьы рԥышәа, иахьатәи атехнологиа ишахәҭоу, иахьынӡахәҭоу ҳақәшәан ҳхы иаҳархәеит ҳәа, ҳара ҳазлеибарку, мчыс иҳамоу, ҳҷыдарақәа изырԥырхагахаӡом, еиҳагьы иарӷәӷәоит. Убрагь иҳалаӡаша, иҳазхаша адоза еиҳамтәкәа. Ианҳармыцхә, Анцәа иумҳәан, ҳмилаҭтә қьамса ԥыжәжәа иқәнаҵоит..." Ажурнал "Алашара" 5-тәи аномер аҟнытә, 2019 шықәса 2 "Абриаҟара аӷацәа рнапы иадыргахьаз, ирхәынгахьаз ҳԥеиԥш, уажәы ҳнапаҿы ианыҟала, зҩырақәа зныҵхьоу ақьаад иахьеиԥшхаз ҟалеит. Адунеи дуӡӡаҿы хкырацәала еилышьу, еилаԥсоу, еиҿкаау, еизыҟоу, еизыҟам аҳәынҭқаррақәа, аҳәынҭқарра аҟынӡа инаӡам, аимбрионқәа иреиԥшу анклавқәа уҳәа, зегьы ирзеиԥшу апринципқәа, аԥҟаррақәа шыҟоу аиԥш, досу, хәыҷгьы дугьы, рхатәы гьама, рхатәы ԥышәа, рхатәы ҷыдарақәа рымоуп. Убри аганахь ала, адунеи хкы-рацәала еилоу, еибыҭоу амозаика иеиԥшуп. Убра рыцкны иадамзаргьы уаҭахны уалԥшуазароуп. Абарҭ зегьы ҿыц ҳарзымхәыцыр, еимаҳамкыр, еимҵаҳамкыр ԥсыхәа анамам, ҳаззыԥшымыз акыр ҳзааԥшит. Иҳакәыршан иҟоу – ҳазҭахугьы ҳазҭахымгьы – рԥышәа ыҟазаргьы, аӡәы уиҿыԥшны мацарагьы хара узцаӡом. Ахыҵхырҭа амч ҟазҵо, уԥашә змоу дгьылк уқәгылазароуп. Зны-зынла ахәшәыҵәҟьа ҳааҵраҿ ишыҟоу, мҵәахы ԥшаа ҳәа, иахьыҟаӡам ҳанашьҭоу еиҳауп..." Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә" 1-тәи ахәҭа "Ҳазхысхьоу аиҭаԥхьара" аҟнытә, 2012 шықәса 3 "Абриаҟараамҭа ихьыԥшыз ажәлар, изхьыԥшыз рзакәанқәеи рыԥҟарақәеи ирықәныҟәозаргьы, ирзыразымызт, иахьынӡалшоз урҭ рзы аҭакԥхықәрагьы иадгылацәомызт. Уажәы урҭ зегьы аҽакала ирыхәаԥштәхеит, аҭакԥхықәрагьы шеибгоу ҳхахьы иаагароуп. Ԥаса ҳара ҳаҩнуҵҟа Аԥсуара аԥҟаррақәа рыла ҳаиҩысуан еиҳарак. Уи бзиоуп џьара иавамлакәа ламысла ианазнеиуа. Аха, Аԥсуарагьы, еиҳа амч анамазгьы, ада ԥсыхәа жәла аныҟамызгьы, иагдырхон. Иахьа еиҳагьы иагдырхоит. Уламыс кәадазар, уи аԥҟаррақәа рхыҵхырҭақәа марианы иуԥшаауеит. Уламыс ӷәӷәазар ауп ус акы ухьыр ухы уанақәыӡбо, ухы анахьурхәуа" Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә" 1-тәи ахәҭа "Ҳазхысхьоу аиҭаԥхьара" аҟнытә, 2012 шықәса 4 " Уажәы, аҳәынҭқарра, ахатәы мчра, урҭ реиҿкаара, аҭакԥхықәра ду – ажәлар рҿаԥхьа, адунеи аҿаԥхьа, ҳԥеиԥш аҿаԥхьа – иаҭаххаз иҵегь ирҭбаауп. Убарҭ зегьы, зхыҵра, зеилагара ҟамлаӡо азакәан аҳәаақәа, арамкақәа ирҭагӡахароуп. Ари аамҭа иақәшәо, дара рышьаҭақәа зырӷәӷәо жәлары ртрадициақәа, рԥышәа ду арҭбаара, арҵаулара ауп иаанаго" Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә" 1-тәи ахәҭа "Ҳазхысхьоу аиҭаԥхьара" аҟнытә, 2012 шықәса 5 "Иарбан милаҭзаалакгьы, иарбан уаажәларразаалакгьы иааихмырсыӷьӡакәа рхы ҭырҵаауеит, рыцәгьа рыбзиа еилдыргоит. Уи рмилаҭтә хдырра иацхраауеит, иарӷәӷәоит. Ҳара аԥсуаагьы, иаҳԥырхагоу шырацәоугьы, ҳахдырра дырхәашьырц ишашьҭаӡазгьы, уеизгьы-уеизгьы зегьы ныҭкааҵәҟьан иҵаны ишҳамамгьы, иахьа уажәраанӡагьы ҳамч ахьақәымхаз шыҟоугьы, уеизгьы иҳагу-иҳабзоу цәгьамкәа иаадыруеит. Аҳәынҭқарра анаҳцәыӡлак, ҳанхьыԥшхалак, аԥсуара ҳацырхыраан, ажәлар рыхдырра аԥсы ҭакны иаагон" Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә" 2-тәи ахәҭа "Иҿыцны изхыстәу" аҟнытә, 2012 шықәса 6 "Ҳҳәынҭқарраҿ закәанла ҳбызшәа иазыԥҵәоу аҭыԥ аҟынтәи анахарагьы аӡәгьы азин имам, ажәларгьы ирҭом. Абриаҟара ԥсҭазаара зыхҭнырҵахьоу, шьа зызкарҭәахьоу, уажәтәи ҳаибашьраҿы мацарагьы акәымкәа, ҳара аҭоурых ҳарбоижьҭеи, ахадарақәа, раԥхьаӡа игылақәоу иреиуоуп ҳбызшәа иара иатәу, иахәҭоу аҭыԥаҿ анагара. Убас, аԥсуа бызшәагьы аҭыԥаҿ ианаанха, аурыс бызшәагьы аҭыԥаҿ ианыҟала, дара-дара еицхыраартә, еибарыӷәӷәартә аҭагылазаашьа роуеит. Уи ауаажәларрагьы иҵегьы еилаҵәо иҟанаҵоит, еснагь проблемас, хьаас иҳамоу ҳбызшәа аԥеиԥшгьы ҳацәымшәо аҟынӡа" Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә" 2-тәи ахәҭа "Иҿыцны изхыстәу" аҟнытә, 2012 шықәса 7 "Ҳәарада, аҳарҩа шьҭазҵо, ашьха атәы иагымкәа идыруазаргьы, егьа дацклаԥшызаргьы џьара-ҩыџьара иахьаҭыԥым ишьҭеиҵазар ҟалоит, иҟалоит ишьҭалан иааиуаз аӡәы-ҩыџьа ҭанархахьазаргьы. Уи иара ихарамызт, аха игхаз, иахьимбаз, иҟалап дахьыццакцәаз акәзаргьы изыхҟьаз. Аха, аамҭа акры анцалак, аԥышәа анеиҳахалак, урҭ зегьы уаҩы ибарҭахоит, изыхҟьо еилукаартә иҟалоит. Убри азы ауп аҭоурых аиаша еснагь изыԥшаалатәу. Уи иулнаршоит ус еиԥш иҟоу аҭыԥқәа рҿы аҳарҩа иашан, амҩа уахнамырҟьартә аиҭашьҭаҵара. Ус акәымкәа, уи зыгхаз, аҭагылазаашьа изнамырбаз, ихьӡ-иԥша шьақәгылахьеит, ажәлар рҿы дшырдыруа иҟаз ҳәа, имҳәаӡакәа, иахьаҭыԥмыз ишьҭеиҵаз аҳарҩа иахьыҟоу иныжьны иавсыз, днаԥхеит ҳәа ауп иаанаго, ажәлар рҿаԥхьагьы, урҭ рзааԥсаҩ ихаҭа иҿаԥхьагьы" Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә" 2-тәи ахәҭа "Иҿыцны изхыстәу" аҟнытә, 2012 шықәса 8 "Ҳаӷацәа еснагь ҳҭоурых иачычан. Иачычан, избанзар иара ҳаман. Дара иҳамамзар рҭахын. Усҟан акыр ирзымариахон рнапахьы ҳаагара. Иахьа, абри аиԥш аҭагылазаашьа анҳау, ҳҭоурых нагӡаагӡан иҩхароуп, иҩу ахьыриашатәу ириашахароуп. Иахьаҭыԥым ишьҭоу аҳарҩақәа ииаган, иахьырҭыԥу, амҩа иаша иадыргахартә иҟаҵатәуп. Уи ҳҳәынҭқарра аргылара иахәҭакуп" Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә" 2-тәи ахәҭа "Иҿыцны изхыстәу" аҟнытә, 2012 шықәса 9 "Иахьа, абас, иаахтны ҳцәажәартә, иаҳҳәарц ҳҭахызар аиаша ҳҳәартә ҳаныҟоу, зегьы напыцқьала рхы ҳкыртә, убри иреиҳау, изхықәаау мычны иҟаҳҵартә ҳаныҟоу, зыҵкы арахәыц ацәызӡо леиԥш, аҭоурых еиқәырҽаҽаҩцәа ирҳәахьоу амцқәа, аҭоурыхтә хыҭҳәаақәа зегьы шыҟоу инхарц аҽышәарақәа ҟарҵоит. Насгьы, иҟоуп зхаҳәатәала, зинк џьара уи азы измаӡамкәа, даара акрызҵазкуа аҭоурыхтә хҭысқәа, ҳажәлар рҭоурых ҟазҵоз ахаҭарақәа рыхә ҿыцны, дара ишырҭаху, ринтересқәа ишрыҵаркуа изыԥсахуа. Ахақәиҭра, ажәа ақәиҭра абас зхы иазырхәо. Абри ҭагылазаашьаан иҟазҵахьоу уи аиԥш акциақәа ишырҿыц ирҿуп, аҭоурыхҭҵааҩцәа ҳәа ҳзықәгәыӷуа рҿы аӡы ҭаҭәаны иԥшуп, зхатәы усқәа зыблақәа хыркыз ауаажәларрагьы – убас, аҭоурых еиқәырҽаҽаҩцәа даргьы зҿу уи ауп, рԥаҵа иалаччо иахәаԥшуеит" Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә" 2-тәи ахәҭа "Иҿыцны изхыстәу" аҟнытә, 2012 шықәса 10 "Абиԥарақәа ажәлар рыхдырраҿ ишьҭарҵахьоу аҳарҩақәа рыцхраауеит дара зхаану, аамҭа ҿыц иашьашәало аҳарҩа ҿыцқәа рышьҭаҵараҿы, ишәаны-изаны, ирыцклаԥшны. Абас ииуеит, абас ахы акуеит, иӷәӷәахоит ажәлар, аҳәынҭқарра шьаҭас, бӷас ирымоу абиԥарақәа реигәныҩра, реибадырра, реибаркра. Иахьатәи ауаажәларрагьы иахьеиқәшәақәо, иахьеиқәымшәақәо, иахьеиқәшаҳаҭқәоу, иахьеиқәшаҳаҭқәам, иахьеиҿыхо, иахьеизааибагақәо, иахьеицҿаку – зегьы ҩныҵҟала иныҟәызго мчны, абиԥарақәа реигәныҩра, реибадырра, реибаркыра амҩала ҳнанагоит макьана. Уи амҩа шьхацамҩоуп. Аԥсҭазаара мҩа еснагь иҩадараҵәҟьоуп. Аԥсуаа баша иахьӡрымҵеит Ашьхацамҩа ҳәа, ажәҩан иалҳәан инагоу аеҵәарыԥхра ду. Убри иалԥхо аеҵәақәагьы ҳарҩақәоуп, еишьҭагылан иааиуа абиԥарақәа амҩа дзырбо"
https://www.abaza.org/abk/alyksa-goguua-90-shykusa
2024-02-22T12:04:20Z
<urn:uuid:647970ca-028c-41c7-a54b-6af492193591>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
1
0.78
1
37
13,395
tlsh:T1C6D88D52BA80DB4BCAB3C489CB92893578C11843476336608EC5F4B61985068FFFCD13AAEBE51A4E38AB1122D122BF15691EFCF6647E6BE6709340E52D3F75DD236836D19E
Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иирамш идиныҳәалеит. Адныҳәалараҟны иаҳәоит: «Ҳаҭыр зқәу Инал Бату-иԥа, Шәирамш аҽны ишәыдышәкыл гәыкалатәи адныҳәаларақәа! Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара зҩыда, аманшәалара, ақәҿиара, шәгәы иҭашәкуа аусқәеи аҭахрақәеи рынаӡара иара убасгьы шәзанааҭтә ус аҟны аихьӡарақәа». Карлос Рафаель Мариа Тортос Инал Арӡынба имшира идиныҳәалеит Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Карлос Рафаель Мариа Тортос Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иирамш идиныҳәалеит. Адныҳәалараҟны иаҳәоит: «Боливариантәи Ареспублика Венесуела ажәлари Аиҳабыреи рыхьӡала 32-шықәса шәхыҵра амшныҳәа ахьшәыдысныҳәало агәахәара ду снаҭоит. Ари арыцхә ҷыда аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара зҩыда, аҭынчра, ишәзааигәоу, ишәызгәакьоу рыгәҭа аилибакаара, шәнапы злаку аус аҿы ақәҿиара ҿыцқәа. Ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызаратәии аиашьаратәии еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара Боливариантәи Аиҳабыра еснагь рҽазыршәалоит, рҽазыршәалоит ҳажәларқәа рымшхәыбзазараз аиҟарареи аиашареи шьаҭас измоу аԥсҭазаара ашьақәыргылара». Back to the list Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Анотақәа Женеватәи аиҿцәажәарақәа Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Архив новостей Афотосахьақәа Авидео Адәныҟаполитикатә усура ахҳәаа Афотосахьақәа Сергеи Лавров Аԥсныҟа иаара Аԥснытәи аделегациа Венесуела усутә визитла рыҟазаара Аԥснытәи аделегациа Никарагуа визитла рыҟазаара ..еиҭа афотосахьақәа Ҳара асоциалтә ҳақәа рҟны Abkhazian Foreign Ministry/Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра/МИД Абхазии Related articles МИД Абхазии направил ноту соболезнования в МИД Южной Осетии по случаю 30-ой годовщины Зарской трагедии
http://mfaapsny.org/allnews/news/notes/sergey-lavrov-pozdravil-inala-ardzinba-s-dnem-rozhdeniya/
2024-02-26T12:18:57Z
<urn:uuid:cb726bd0-ec07-46fc-84e4-31406b0bf54e>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.9
0.86
0.96
28
3,272
tlsh:T1689D8A615A04DB9BC673C1858A928E3669D0585780527671DFC5BA702B4604CDBBCD03D7F6EC1986748F2112D5D6AE109B0FFDE924BD7FC3714205B02E2E78DA27A83A869F
Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа – зҭоурых 2500 шықәса инархыҳәҳәо ижәытәӡоу қалақьуп. Ус шакәугьы, ақалақь ауааԥсыра гәык-ԥсыкла бзиа ирбо архитектуратә хаҿра шьақәгылеижьҭеи рацәакгьы ҵуам – XIX-XX ашәышықәсқәа реихысырҭахь иаҵанакуеит. Аҟәа аҭоурых ахы акуеит ҩ-нызқьи бжаки шықәса раԥхьаҟа, ажәытәбырзен қалақь Милетынтә иааз раԥхьатәи аколонистцәа Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы ршьапы анықәдыргыла инаркны. Дара абри аҭыԥ аҟны идыргылеит ақалақь-баӷәаза Диоскуриа. Еиуеиԥшым аҭоурыхтә аамҭақәа рзы ари ақалақь рнапаҿы иҟан аурымцәа, византиаа, агенуезцәа, нас аҭырқәцәагьы. Ҳера аныҟала раԥхьатәи ашәышықәсақәа раан иҟалалоз адгьылҵысрақәа рымшала ажәытәтәи Диоскуриа ашьҭамҭақәа зегьы амшын иамҽханакит. Аӡы ахьзымнаӡаз ақалақь аҩадатәи аҵкар мацароуп. Убраҟоуп аурымцәа рбаа Себастополис ахьдыргылазгьы, анаҩс рлегионқәа ахьдыртәазгьы. Аҭоурыхҭҵааҩ Анзор Агәмаа ишәҟәы «Ажәытәтәи Аҟәа» аҟны иҩуеит: «Аҟәа – ҭоурыхтә қалақьуп. Уи ахьгылоу аҭыԥ аҟны антиказаатәи аиланхарҭақәа рцәырҵра акырӡа шагызгьы, ақалақь хаҿра змаз ажәытә аԥсуаа рынхарҭа шьақәгылахьан, Аҟәа ахьӡын (аԥсышәала иахьа уажәраанӡагьы ус ахьӡуп), уи аҭоурых ажәытәӡа иаларсуп». Абжьарашәышықәсақәа раан аҭырқәцәа абаа Себастополис ахьӡ рыԥсахит Сухум-кале ҳәа. Аха ари ақалақь аханатә аԥсышәала хьӡыс иаиуз иахьанӡагьы еиқәхеит – Аҟәа. Ажәытә ақырҭуа шықәсынҵақәа рҟны ари ақалақь-абаа аӡбахә уԥылоит Цхум ҳәа. VIII-тәи ашәышықәсазы Аҟәа Аԥсуа аҳра ацентрқәа ируакхеит. XVI-тәи ашәышықәса инаркны XIX-тәи ашәышықәсанӡа Кавказ агаҿа зегьы ҩ-империа дук ринтересқәа ахьеиқәшәаз ҭыԥны иҟан – Османтәи аимпериеи Урыстәылатәии. Урҭ араҟа аамҭа-аамҭала аибашьрақәа рыман. XVIII-тәи ашәышықәса аҵыхәтәантәи аҩажәа шықәса инадыркны абаа Сухум-Кале аԥсуа аҳ Қьалышьбеи итәарҭан. Иара дазгәышьуан итәыла хьыԥшымны аҟаҵара, уи агьилшеит азныказы, аҭырқәцәа арантә иқәцаны. Аха 1810 шықәсазы, Қьалышьбеи даныршь аамышьҭахь, Аԥсны Урыстәыла иадлеит, Аҟәатәи абааҿгьы аурыс игарнизонқәа иртәеит. 1830-тәи ашықәсқәа рзы Аҟәатәи абаа мрагыларахьтәи аган ала, амшын аҟәара иаваршәны еиланхарҭа хәыҷык шьақәгылеит. Уи аԥхьа ахәаахәҭратә баӷәазак аҳасабала иҟан, анаҩс баӷәазатә қалақьхеит, абаа хьӡыс иамаз иаргьы хьӡыс ишьҭнахит. Аҟәа усҟантәи аамҭазы еиҳарак амҿтәы ҩнқәа зызгылаз қалақь хәыҷын. Аха убасҟангьы аԥшӡарала аныҟәаҩцәа аршанхо иҟан, шәҭылеи шәаԥыџьаԥлеи иҭалаҳан, еиҳаракгьы агәилқәеи аӷшҵлақәеи рацәан. 1866 шықәсазы, Аԥсны аҳра анаԥырх аамышьҭахь иаԥҵаз Аҟәатәи арратә округ административтә центрс иҟалеит ақалақь Аҟәа. Ақалақь маҷ-маҷ еиҵыҵуан, иҿион, аха XIX-тәи ашәышықәса иалагӡаны акырынтә аимҵәарақәеи арбгарақәеи ахҭнагахьан. Аҟәа ааха ду аиуит еиҳарак 1877-1878 шықәсақәа рзтәи аҵыхәтәантәи аурыс-аҭырқәа еибашьраан. Усҟан аҭырқәа ируаа ақалақь ианалҵуаз амца ацрарҵан ирблит. Аԥсуаа ари аибашьраҿы аҭырқәа ган иахьадгылаз азы агаҿаҟны анхара азин рымырхит, Аҟәа ақалақьгьы уахь иналаҵаны. Ҩынҩажәижәаба нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра Ҭырқәтәылаҟа ихҵәар акәхеит. Аԥсны ақыҭақәа жәпакы ҭацәит, Аҟәа ақалақьи уи акәша-мыкәшеи инхоз аӡә даанымхакәа зегь ықәҵит. Абарҭ ахҭысқәа раамышьҭахь маҷк ааҵуаны ашәҟәыҩҩы Антон Павел-иԥа Чехов абас иҩуеит аԥсуа аҳҭнықалақь иазкны иҩыза иахь иишьҭуаз асалмшәҟәаҿы: «Иахьа шьыжьаахыс Аҟәа стәоуп. Аԥсабара иџьоушьаратә иссирӡоуп, уарааԥкыртә, ма агәкаҳара унаҭартә аҟынӡа. Зегь лакәҵас иҟоуп, иҿыцуп, апоезиа-цәа ахоуп. Аевкалиптқәа, ачаи ачықьқәа, акипарисқәа, анызҵлақәа, апальмақәа, агәыжьқәа, амшынҟызқәа, акамбашьқәа, иҳәыҳәԥштәылоу апҟақәа, ашьхақәа, ашьхақәа нҵәара зқәым… Стәоуп уажә абра абарҵаҿы, исывсны инеи-ааиуеит аԥсуаа акапуцинцәа рмаскарад маҭәала еилаҳәаны, амҩа ааихуҵәар – азеиҭынҵлақәеи, анызҵлақәеи, акипарисқәеи рызҳауеит, урҭ рнаҩс – амшын иаҵәҟаҟара… Мызкы иадымхаргьы Аԥсны сынхозҭгьы, шәкы бжак раҟара лакә ссир аԥысҵар ҟаларын ҳәа сгәы иаанагоит. Ара уахьынаԥшлак – ачықьқәеи ашәшьырақәеи зегьы рҟынтә, ашьхарантә, агантә, жәҩанынтә зқьыла асиужетқәа узхьаԥшуеит. Шаҟа схәымгоузеи асахьаҭыхшьа ахьысзымдыруа!» «1875-1890 шықәсқәа рзтәи асаламшәҟәқәа» 1880-тәи ашықәсқәа инадыркны иҭацәыз аԥсуа дгьылқәа рахь еихеит аколонистцәа. 1897 шықәсазы имҩаԥгаз раԥхьатәи урыстәылазегьтәи ашәҟәҭагалара адыррақәа рыла, Аҟәа инхон 7998-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә аурысқәа 1685-ҩык ыҟан, агырқәа – 1522-ҩык, абырзенцәа – 1083-ҩык, аԥсуаа – 144-ҩык. Урҭ рыдагьы ара инхон аҭырқәцәа, аерманцәа, аҭаҭарцәа, аџьамцәа, аполиакцәа, анемцаа, аестонцәа – иааидкыланы даҽа 20 милаҭ инареиҳаны рхаҭарнакцәа. Акыр алаҵәара рыман амилаҭтә хеилакқәа, доусы дара ргәыԥ апроблемақәа рыӡбара иазкын: идыргылон ауахәамақәеи ашколқәеи, ақалақьтә Думахь алхрақәа рхы рыладырхәуан. Апоет Осип Мандельштам Аҟәа ақалақь убас азиҳәеит «алахьеиқәреи, аҭаҭыни, зыфҩы лаҳалаҳауа аҵиаахәшақәеи рықалақь ауп» ҳәа. «Абрантә ауп Кавказ абызшәақәа рҵара ишалагатәу – ара ажәақәа зегьы «а» ала иалагоит» Осип Мандельштам, «Агәалашәарақәа. Аамҭа ашыкьбжьы» XIX-XX ашәышықәсақәа реилыҵымҭазы Аԥсны еиҭаҳан ацитрустә шәырқәеи аҭаҭын аплантациақәеи, убри абзоуралагьы ахәаахәҭреи аекономикеи акыр иҿыхеит. 1893 шықәсазы Аҟәа аус руан 130 рҟынӡа ахәаахәҭратә наплакқәа. Аекономика аҿиара иабзоураны ақалақь аргылара ԥхьаҟа иццакит. XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы амал змаз анаплакцәа идыргылон адәқьанқәа, асасааирҭақәа, авиллақәа, абарҵақәеи агалереиақәеи рыла ирԥшӡаны, ахазҩнқәа ргәарақәа рҿы аҵеиџьқәа ржуан. Абри аамҭазоуп Аҟәа иахьа изхыҽхәо архитектуратә хаҿра анаиуз. Абар Аԥсны ажәала асахьа шҭихуа ашәҟәыҩҩы Константин Паустовски: «Абаҳчаҿы, суада азааигәара, ирызҳауеит акактус дуқәа, абананқәа, амандаринқәа. Аԥенџьыр аҟынтә сахьынаԥшуа – амшыни (амра аҭашәамҭаз араҟа ссиршәа инӡаалоит), ашьха иаҵәара дуқәеи». «Бросок на юг» Аԥсны ақалақьқәа еиҿкаан европатәи ақалақьргылашьа иақәҿнаҭуа еиԥш. Архитектура аганахьала араҟа аԥыжәара аман Европа алаҵәара заухьаз астиль модерн. Ихадароу аргыларатә материалқәас иҟан ақьырмыт, ахаҳә, ацемент, аиха. Аҩнқәа рхыбуан ахьӡ ду змаз марсельтәи акыц ала. «Апатырқалқәа рыфҩи ахьа ирӡуаз афҩи еилалон, абаҳча еиԥынчылақәа рҟны ихшьыз абираҟ ҟаԥшьқәа аладатәи аԥша ӷьеҩ иахьарԥыруаз рыбжьы цәгьан, аҽыуаа рыбжьы ҭганы ҿыҭуа ахаҳә мҩақәа иҿҟьаса ирнын. Ақәыршҩы ҟәандаӡа агәгәаҳәа иауан, нас аратәи аҭаҭынжәла алҩа еишьылӡа адухан ахышәқәа рҟынтә индәықәлон». Константин Паустовски «Бросок на юг» Ашәҟәыҩҩы Константин Паустовски раԥхьаӡа акәны Аҟәа дааит 1922 шықәса жәабранмзазы. Ақалақь изаатит «ԥшшәырацәалеи бызшәарацәалеи еиларсу ҭыԥны». Аԥечка амца анҭарҵоз акакан ацәа рбылуан, абазар аҟны ахәы ҟарҵон акакан (ма араса) ахәшала ҳәа азгәеиҭон ашәҟәыҩҩы. Паустовски Аҟәа ақалақь инаҭаз ацәаныррақәа ааирԥшит аамҭак ашьҭахь ииҩыз аповест «Бросок на юг» аҟни аочерк «Ахьтәы уасцәа ахьырыԥшааз» аҟни. XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭа инаркны Аҟәа ахәаахәҭратә қалақьи абаӷәазеи раҳасабала адагьы аҳауазҩыдаратә курортк аҳасабалагьы иҿио иалагеит. 1898 шықәсазы Москва, Аҳақьымцәа урыстәылазегьтәи рконгресс аҟны Аҟәа ақалақь азхаҵан арыԥҳачымазцәа рзы иреиӷьу азҩыдаратә ҭыԥс. 1902 шықәсазы апрофессор Остроумов иаԥшьгарала Аҟәа иаатит 35-ҩык рҭыԥ змаз ахәышәтәырҭа, ақалақь агәҭеи уи аҵкарқәеи рҟны асанаториақәа дыргыло иалагеит. Зегь реиҳа ублха хнакуа иҟан еицырдыруаз аурыс меценат, аҭауад Николаи Смецкои Гәылрыԥшь иргылаз асанатори: ԥшь-еихагылак змаз ахыбраҿы алифтқәагьы аус руан – усҟантәи аамҭазы илаламбатәыз, шамаха џьара иуԥымлоз. Смецкои исанатори иара ихааны Европа зегьы иреиӷьыз ирхыԥхьаӡалан. 1905-1907 шықәсақәа рзы Аԥсны аус руан ԥшьышә рҟынӡа анаплакқәа. Урҭ реиҳарак Аҟәа аус зуаз амҿымаҭәахәхырҭақәеи, ақьырмырт зауадқәеи, аӡлагарақәеи, аихаҟазарҭақәеи, ахәшахыхырҭақәеи ракәын. Аҭыԥ ҷыда ааныркылон аефиртә хәшақәа рҩырҭа зауадқәа, ашәыр-уҭраҭых наплакқәа, аҩы-ауаҭка ахьҭарҭәоз азауадқәа, алимонаҭи, «Анкара» зыхьӡыз аӡҵәыҵәи ахьыҟарҵоз азауад. Анапҟазацәеи аусуҩцәеи бжьаратәи руалафахәы усҟан 2 мааҭки 20 капеи рҟынӡа инаӡон. Ча-хык усҟан 4,5 капеи иаԥсан, акәац акәзар, 1-тәи асорҭ фунтк – 17 капеи иаԥсан. Ақалақь аҿы акультуратә ԥсҭазаара есааира еилашуан. XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы Аҟәа аус руан х-театрк: Алоизи итеатр, Самуриди итеатр, иара уба Александртәи апарк аҿы иаартыз аԥхынтәи атеатр. Иҭыҵуан агазеҭқәа «Колхида», «Сухумский листок», «Сухумский вестник». 1912 шықәсазы ақалақь аҿы аус руан жәаха школ: аурыс, абырзен, аерман, ауриа школқәагьы уахь иналаҵаны, иара убагьы бжеиҳан аԥсуа хәыҷқәа аҵара ахьырҵоз Ашьхарыуаа рышколи, Ақырҭуа ҵара аларҵәара ахеилак рышколи. XX-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи Аҟәа ахаҿра бзиаӡаны иаарԥшуп ашәҟәыҩҩы Адиле Аббас-оглы лавтобиографиатә шәҟәы «Исызхамыршҭуа» аҟны. Ахәаахәҭреи аԥсшьареи еицызбоз ақалақь иаланхон амилаҭрацәа рхаҭарнакцәа. Аҟәатәи ашьхаҿы (аԥсышәала Самаҭаа рхәы ахьӡуп) Москвеи Петербурги рҟынтә ԥсшьара ҳәа иаауаз амалуаа рыҩндуқәа гылан. Ақалақь агәы иалсуаз амҩа хадаҿы – Гьаргь имҩа (иахьа Аиааира амҩаду) инхоз еиҳарак абырзенцәа ракәын – урҭ Аҟәа рхыԥхьаӡарагьы рацәан, рнаплак усқәагьы цәгьа ирыцааиуан. Иахьагьы ишыҟоу еиԥш, ақалақь ауааԥсыра зегьы иреиӷьыршьоз ԥсшьарҭа ҭыԥын амшын аԥшаҳәа. Адиле Абасс-оглы «Араҟа асқьалаҿы ирацәан ацәқәырԥ иарзазоз анышьқәа, мшынла аныҟәара абзиабаҩцәа урҭ ирықәтәаны хараӡа амшын агәахьы инаскьон. Аԥшаҳәа иаваршәны игылаз аҟәардәқәа рҿы рыԥсы ршьон ауаа быргцәа, амшын ҳауа зҩыда лбаадо, иниас-ҩиасуа ауаа ирыхәаԥшуа» Ақалақь зехьынџьара иалаԥсан акаҳуажәырҭақәа, ачаижәырҭақәа, абилиардасырҭақәа. Ахацәа анард иасуан. Ачаижәырҭақәа рҟны аус руан аџьамцәа, акаҳуажәырҭақәа рҟны – абырзенцәа, аҭырқәцәа, ма аерманцәа. Ашьаҟамҩақәа рҿы аҿхыбқәеи ақьалақәеи ирыҵагыланы аршәы, ма мрагыларатәи ахаа-мыхаақәеи, ашәырқәеи, аӡыхаақәеи рҭиуан. Иара уа, насҭхашәа акәац аҵәы иахаҵаны ирӡуан, ирӡуан иара убас ахьеи арасеи. Адиле Абасс-оглы «Анҭыҵга шьаҵа асахҭан иалхзар акәын, ицырцыруа. Ахацәа акәымзцәаԥшқа иалхыз ашлиапақәа рхарҵон, аҳәса – ашлиапа хәыҷқәа, џьоукы-џьоукы ачықҭы ақәыршәрагьы мап ацәыркуамызт. Аӡынтәи аҵх хьшәашәақәа раан ақалақьуаа дара-дара еизцон, еибыҳәаны аӡәы иҿы рҽеизыргон. Ахацәа анард, ма ашахмат, адомино, ма амаца иасуан. Акыр еицәажәон, ажәытә аамҭақәа ргәаладыршәон, ирбаз аспектакльқәеи изыԥхьаз ашәҟәқәеи ртәы еибырҳәон. Ҳарҭ ахәыҷқәа ҳҿы аартны ҳарзыӡырҩуан. Аишәа еснагь иқәын ахаачыс, ашәыр-ақәыр, араса, акаҳуа». «Исызхамыршҭуа» Ақалақь иалсны илеиуаз аӡиас Басла ахықәан аԥслышқәа ирызҳауан, урҭ рыҵаҟа анышь станциақәа ыҟан. Аӡиас аԥсыӡ ҭан, ашықәс аамҭақәа зегьы рзы ара аԥсыӡкыҩцәа хтәаланы иубон. Басла нырцәи-аарцәи аԥшаҳәақәа рҿы адәқьанқәеи аџьырмыкьа хәыҷи аус руан. Ари араион усҟангьы Ацҳа ҟаԥшь ҳәа хьӡыс иаман, ақалақь аҩ-хәҭак еидызҳәалоз ацҳа аԥшшәы ҟаԥшьын азы. Иара абра иҟан ачаӡырҭақәа, ачаижәырҭақәа, акаҳуажәырҭақәа, адуханқәа. Ақалақь есааира иҿион, еиҵыҵуан, уи иалҵшәахеит иманшәалоу, еилымшәо абзазараҭыԥ ашьақәгылара. Иҳаҩсыз ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа Аҟәа амилаҭрацәа зланхоз ахәаахәҭратә, курорттә қалақьны иаанхон, зыхә ҳараку аҭаҭынжәлақәеи ирӡуаз ахьеи рыфҩы лаҳалаҳауа иахьуаҳауаз. Атекст автор - Асҭанда Арӡынԥҳа, абильд-редактор - Наала Аҩӡыԥҳа, аредактор –Ольга Солдатенкова, аредактор хада – Амина Лазԥҳа
https://www.abaza.org/abk/akua-xix-xx-ashyshykusakua-reilytsymtaz-amratashara-ssirkuei-akha-fyuykhaai-rykalak
2024-02-22T11:12:24Z
<urn:uuid:c2b4eb3b-cc6d-40b0-acf4-28e2b7fa739b>
[]
[]
abk-Cyrl
0.97
1
0.99
31
20,127
null
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, аҧсышәала иҭыҵит ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла» ахҧатәи аномер. Аӡырга Акультуреи Аҵарадырреи Инарҭбааны 12/02 2018 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» хышықәса ахыҵит Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧҵан февраль 12, 2015 ш. рзы. Иахьа , уи иахыҵит хышықәса. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» хышықәса ахыҵра аҳаҭыразы имҩаҧган апресс-конференциа. Уи азкын афонд абри аамҭа иалагӡаны имҩаҧнагаз аусқәа реихшьаала атәы. Хыҧхьаӡара рацәала асасцәа, урҭ рыбжьара ажурналистцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, афонд апартноирцәа, иара убас Аҧсны егьырҭ ауаажәларратә еиҿкаарақәа реиҳабацәа, афонд аҳасабырба иазыӡырҩит. Иара убас, еизаз алшара рыман афонд иҭнажьуа ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла» аномер ҿыц аиура. Аӡырга Инарҭбааны 05/10 2017 Иорданиа инхо ҳџьынџьуаа Аиааира амш азгәарҭеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира амш 24 ш. ахыҵра аҳаҭыразы, Иорданиа аҳҭны қалақь Амман имҩаҧысит ҳџьынџьуаа злахәыз аныҳәатә хәылҧазы. Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» амилаҭ дыгатә телерадиоеилахәыра «Нарҭи» русеицуразы Аҧсны ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, раҧхьатәи апроект хацыркын Иорданиа, Аиааира амш ныҳәа ду амҩаҧгарала. Аныҳәатә хәылҧазы аҧсышәала иаалыртит афонд аусзуҩ Жанна Леиҧҳа. Аӡырга Адемографиеи Арепатриациеи Инарҭбааны 20/02 2017 Имҩаԥысит Астол гьежь: «Амассатә информациа ахархәагақәа - ақьабзқәеи, аҿыц аԥшьгарақәеи рыбжьара, ҳаамҭазтәи ауаажәларреи, аетнокультуреи» Имҩаԥысит Астол гьежь: «Амассатә информациа ахархәагақәа -ақьабзқәеи, аҿыц аԥшьгарақәеи рыбжьара, ҳаамҭазтәи ауаажәларреи, аетнокультуреи» Иахьа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университе аҿы имҩаԥысит «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсни» ауниверситети еицымҩаԥыргаз Астол гьежь абри атема ала: «Амассатә информациа ахархәагақәа -ақьабзқәеи, аҿыц аԥшьгарақәеи рыбжьара, ҳаамҭазтәи ауаажәларреи, аетнокультуреи». Уи азкуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 85 ш. ахыҵра. Аӡырга Адәныҟатәи Акультуреи Аҵарадырреи Инарҭбааны 17/02 2017 «Амассатә информациа ахархәагақәа -ақьабзқәеи, аҿыц аԥшьгарақәеи рыбжьара, ҳаамҭазтәи ауаажәларреи, аетнокультуреи». Ашәахьа, февраль 20 рзы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсни» еицымҩаԥыргоит Астол гьежь абри атема ала: «Амассатә информациа ахархәагақәа - ақьабзқәеи, аҿыц аԥшьгарақәеи рыбжьара, ҳаамҭазтәи ауаажәларреи, аетнокультуреи». Аӡырга Инарҭбааны 07/02 2017 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апресс-конференциа мҩаҧнагеит Иахьа, Иван Папасқьыр ихьӡ зху Аҟәатәи амилаҭтә библиотекаҿы «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала имҩаҧысит ажурналистцәа злахәыз апаресс-конференциа. Уи азкын афонд шықәсыктәи аусура аихшьаала ажурналистцәа реилыркаара. Апресс конференциа ааиртит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» амассатә информациатә хархәагақәеи ауаажәларреи реимадара ахеилак анапхгаҩы Гәрам Амқәаб. Уи ажәа ииҭеит афонд ахада Сенер Гогәуа. Аӡырга Инарҭбааны 25 Ажь Брошюра об Абхазии Имеем честь представить Вам краткую информацию об Абхазии — Государстве с 1200-летней историей. Аӡырга Аекономикеи Аинвестициеи Афинансқәеи Инарҭбааны 26/12 2016 Ажурнал "Аҧсынтәыла сара стәыла" аӡыргара мҩаҧысит Иахьа, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" иҭнажьуа ажурнал "Аҧсынтәыла сара стәыла аӡыргара". Уи аҧшьнагеит Аҧсуа литература акафедреи, ажурналистика аҟәшеи. Аиҧылара рхы аладырхәит астудентцәа, арҵаҩцәа, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахаҭарнакцәа. Аиҧылара аартуа, Аҧсуа литература акафедра аиҳабы Диана Аџьынџьалҧҳа дырзааҭгылеит ажурнал адаҟьақәа ирнылаз анҵамҭақәа, урҭ акыр рыхә ҳаракны илшьеит, илҳәеит ҳҭоурых иаҿахәҳәаганы ишыҟоу. Иара убас , иазгәалҭеит афонд имҩаҧнаго хырхарҭа рацәала аус зыднауло апректқәа ртәы. Аӡырга Инарҭбааны 02 Ҧхы «Аҧсынтәыла сара стәыла» Ишәыдаагалоит ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла» аҩбатәи аҭыжьымҭа аелектронтә версиа. Иаарласны ҳара ҳсаит аҿы икьыҧхьхоит ажурнал еиднакыло анҵамҭақәа урысшәала, ҭырқәшәала, англыз, араб бызшәақәа рыла. Аӡырга Акультуреи Аҵарадырреи Инарҭбааны 16/09 2016 Иахьа, "Жэларбжьаратэи афонд Аҧсны" ахаҭарнакцәа, Аҟәа ақалақь администрациа ахада Адгәыр Ҳаразиа иҧылеит Аиҧылара рхы аладырхәит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сенер Гогәуа, асоциалтә политика ахеилак анапхгаҩы Иулиа Гәымҧҳа, акультуреи аҵарадырреи рхеилак аиҳабы Нугзар Логәуа. Афонд ахаҭарнакцәа, Адгәыр Ҳаразиа инарҭбааны изеиҭарҳәеит афонд имҩаҧнаго аусуракәа ртәы, ҳауаажәлар ирзыҟарҵо агәыҳалалратә цхыраара. Ахәҭакахьала, Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа, афонд ахаҭарнакцәа идирдырит ақалақь аинфраструктура аиӷьтәразы ирзарбоу апланқәеи, иааидкыланы асоциалтә ҭагылазаашьа иадҳәалоу азҵаарақәеи.
http://fondapsny.org/ab/proekty/adzyrga
2024-02-21T12:14:40Z
<urn:uuid:d3979570-0714-483e-a7a8-9230143817b8>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.91
0.66
0.99
41
8,480
tlsh:T192F00E028844DB5BD973C99ACA824E355CC16D0B42627321CEC9F5750286049FFFCD0379FAEC0A49B8DF1212C195BE166A0AFCE51ABDBED3325204A06D7F79EA278472C19E
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа дидикылеит Аладатәи Кавказ аҟны Евроеидгыла (EUSR) ахаҭарнакс иҟоу Герберт Зальбер. Аиԥылара иалахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵаҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Ҭенгьиз Ҭарба, Аладатәи Кавказ аҟны Евроеидгыла (EUSR) аофис ахаҭарнакцәа Бьорн Куене, Том Триер и Эммануэль Анкетиль. Аиԥылараҟны ирылацәажәан аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҟны иҟоу аҭагылазаашьа, аушьҭырҭатә ҭыԥқәа Бгоура (Отобаиа) Батаигуара (Набакеви) раркра. Иара убасгьы ирылацәажәан аекологиатә шәарҭадара азҵаарақәеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рымшхәаԥштә азҵаарақәеи.
http://mfaapsny.org/allnews/news/othernews/o-vstreche-s-gerbertom-zalberom/
2024-02-26T12:03:42Z
<urn:uuid:c8951729-6547-421d-9fcf-27856662a0c6>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.98
3
1,084
tlsh:T10962F2115400878BE3B3D5519ED18D31A9C08457C26273218FC6B8642212089EFFCC23CBF3C8144B645F4626D2977A445B0EFDEA193EBA83318205A16D2F28F832493686DF
Қырҭтәыла акоронавирус 72 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы. ҵ Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 161ҩык, хҩык апациентцәа иҧсит. Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 7 287 атестқәа. Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 1 655 170 афактқәа аарҧшуп, урҭ рҟынтә 1 637 198 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 16 810 ҩык апациентцәа иҧсит. Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 882 520 алаҵақәа. АУААЖӘЛАРРА aкоронaвирус ҚЫРҬТӘЫЛА 1 Еиҧшу Қырҭтәылеи Кореиатәи Ареспубликеи рыбжьара аекономикатә партниорра иазку аиҿцәажәара актәи араунд иалагеит Питер Сииарто - Қырҭтәыла шықәсқәа раԥхьа ақәнаган Евроеидгыла алалара World of Statistics астатистика инақәыршәаны, атуристцәа уахынла ишәарҭамкәа аныҟәара ахьрылшо атәылақәа рыбжьара, Қырҭтәыла Европа аҵакыраҿ аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит Виктор Орбан иажәақәа рыла, 2008 шықәсазы Украинеи Қырҭтәылеи Натои Евроеидгылеи ралалара алшара рыман, аха ари ашанс рхы иадырхәарц ирылымшеит Афинансқәа рминистрра - Жәларбжьаратәи ареитингтә агентра FitchRatings Тедрос Аданом Гебреисус - Covid-19-и, агриппи егьырҭ ареспиратортә чымазарақәеи рхыԥхьаӡара иазҳауеит, асабрадақәа ныҟәыжәгала, алаҵақәеи атестқәеи иҟаҵаны ахьшәымоу гәашәҭала Питер Фишер - 2024 шықәсазы Германтәылеи Қырҭтәылеи Европатәи ахеилакахь аинтеграциазы аусеицура нарыгӡоит Амилаҭтә гвардиа асолдаҭцәа Ҭырқәтәыла имҩаҧысуаз х-ганктәи арратә азыҟаҵарақәа рхы рыладырхәит Германтәыла азакәанҧҵаратә аизара Хыхьтәи апалата Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам тәылақәас азханаҵеит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы атәыла-кандидат статус анашьоуп Амш зеиҧшрахо 4° ашә Қaрҭ аҩ 3° Ах 5° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Ингушетиатәи ақалақь Карабулак кыаамҭалатәи бџьаршьҭыхлатәи аидыслара ашьҭахь, иршьит фҩык аибашьцәа Мака Боҷоришвили Европарламент аҿы аиԥыларақәа лыман Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, Ҟрымтәи адгьылбжьахабжьа аганахьала адронқәа рыла ажәылара мҩаԥган, урыстәылатәи аҳирхьчаратә мчқәа 38 дрон карыжьит
https://1tv.ge/lang/ab/news/qmr%D2%ADtmla-akoronavirws-72-afakt-tchvmtcqa-aarphshwp-dachva-161-uimk-apatcienttca-achmmazara-ialcit/
2024-03-04T02:29:23Z
<urn:uuid:e38e8e19-6072-45d9-b183-d20c2b491af5>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.61
0.96
31
3,699
tlsh:T181500C717A04974BC5B3C5699E518D362CC06C178524B160CEE6B4B11745059EFFCD12D9FAEC094F60EB1516D166BF08570AECCB28BEFFD7629200655E3E38E9339876D19E
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла Афедерациа Ахада Владимир Путин Жәлар ракзаара амш идиныҳәалеит Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп: "Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа! Шәаргьы милаҭрацәала еилоу Урыстәылатәи Афедерациа ажәлар зегьы нашәыдкыданы гәык-ҧсык ала иршәыдысныҳәалоит Жәлар ракзаара амш. Ари амш акзаареи, аидгылареи, Аҧсадгьыл ахь абзиабареи ирсимволуп. Уи иаҳгәаланаршәоит амилаҭ еилаҧса реидгылара, рбызшәа, рдинхаҵара акра, ауаажәларра релибакаареи раҳаҭыреиқәҵареи атәыла иқәынхо ауааҧсыра зегьы рҭышәынтәалареи реизҳазыӷьареи ишацхраауа. Аҧсны жәлар рыхьӡала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳтәылақәа ирыбжьоу аимадара арӷәӷәара аус аҟны шәлагала ду азы. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аҧсны Аҳәынҭқарра асуверенитет аиқәырхареи ашәарҭадариа алыршара аҭышәныртәалареи рзы имҩаҧыжәго аусуразы. Атәыла анапхареи ауаажәларреи ирбарҭоуп Аҧсны аекономика аҿиара аусхк аҟны шәлагала ду. Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа, абри аныҳәамш азы Урыстәыла Афедерациа атәылауаа зегьы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, агәыразра, аихьӡарақәа, аинҭәылара". -- Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16068/
2024-02-28T09:33:43Z
<urn:uuid:612c6af0-ad27-42ce-89d4-526ecad473ff>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.86
0.82
0.96
17
2,795
tlsh:T1B5EFE8517B84DB8BD2B3C4AE8E524A357CC024474721B364CEC9F5B11782098EBFCD13D2BAE5168BB4D71652D1A2BF11A90DEDD929BEB9C7701141A13D2FB8DA33D475819E
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Идныҳәаларатә шәҟәы Аҧсны Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура аусзуҩцәа аныҳәа рыдиныҳәалеит. Адныҳәаларатә шәҟәаҟны иҳәоуп: "Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа - Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура амш. Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура аҧҵоижьҭеи 31 шықәса ҵит, абри аамҭа иалагӡаны аусзуцәа ирылшеит Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭоурых адаҟьақәа иналукааша ахҭысқәа рыла рхарҭәаара. Азанааҭ адырра, иҷыдоу аҭагылазаашьа ианаамҭоу ақәҿыҭра, ҭакҧхықәрала амаҵзура азнеира, инарҵауланы амаҵзура аҵакы аилкаара реиԥш иҟоу аҷыдарақәа рылоуп Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура аусзуҩцәа. Ргәалашәара ҳацуп змаҵзуратә уал анагӡаараан иҭахаз аусзуҩцәа. Аҳәынҭқарреи аҧсуа жәлари рыхьӡала иаадырԥшуаз ахачҳареи ахамеигӡара хашҭра рықәӡам. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура аусзуҩцәеи аофицарцәеи рыжәҩа иқәуп аус ҷыда - ҭакҧхықәрала рмаҵзура азнеира, аҳәынҭқарреи анапхгареи ршәарҭадара ахьчара. Шәзанааҭтә ныҳәа аҽны иҭабуп ҳәа шәасҳәоит набыцра амамкәа имҩаԥыжәго аусуразы, Аҧсны Аҳәынҭқарреи ауаажәлари рыхьчаразы.
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15738/?print=Y
2024-02-22T21:45:20Z
<urn:uuid:6cd53a53-0d04-4473-9088-6b3c18eb0bf6>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
9
2,008
tlsh:T126E8D1410240878FC2B3C1059AD24A369DD268024332F770CEC9F1B50B42045FBFCE039DE9E8054AB8E70A5195627B15994DEFE814BEAFD7B05104926D6F7CD93390B6D4AE
Витали Кәыхьын-иԥа Дараселиа (ақырҭ. ვიტალი დარასელია; ажьырныҳәамза 9, 1957 ш., Очамчыра, Аԥснытәи АССР, Қырҭтәылатәи ССР — ԥхынҷкәынмза 13, 1982 ш., Зестафони, Қырҭтәылатәи ССР) — асовет шьапылампыласҩы, ахьчаҩ, асоветтә шьапилампыл аҭоурых аҿы еицырдыруаз, зегь реиҳа иӷәӷәаз ашьапылампыласыҩцәа рплеиада дахаҭарнакын. Асовет Еидгыла аспорт азҟаза (1976), Ақәыԥшцәа рыбжьара ачемпион (1976), Асовет Еидгыла ачемпионат араӡынтә призиор (1977), Асовет Еидгыла ачемпион (1978), Асовет Еидгыла Акубок ианашьан (1976, 1979), Асовет Еидгыла ажәларқәа Рспатакиада араӡынтә призиор (1979), Асовет Еидгыла аспорт жәларбжьаратәи акласс азҟаза (1980), аҿар рыбжьара Европа ачемпион (1980), Акубокқәа ираԥсахахьаз Ркубок занашьаз (1981), Асовет Еидгыла аспорт азҟаза (1981), адунеи ачемпионат далахәын (1982). Ԥхынҷкәынмза 13, 1982 шықәса ашьапылампыл абзиабаҩцәа рзы илахьеиқәҵароу мшны иаанхоит, 25 шықәса дшырҭагылаз амҩатә машәырла дҭахоит. Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] Савин А. В. Игроки, тренеры, судьи: Справочно-биографический словарь. — Москва, 2001. — С. 172. Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Виталий Дараселия на сайте «Футболисты мира» Иархивитәиз 2016-06-24 ахь Wayback Machine Виталий Дараселия на сайте болельщиков тбилисского «Динамо» Спортивный некрополь Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Дараселиа,_Витали_Кәыхьын-иԥа&oldid=133537 Акатегориақәа: Ажьырныҳәамза 9 рзы ииз 1957 шықәсазы ииз Ԥхынгәымза 13 рзы иԥсыз 1982 шықәсазы иԥсыз Асовет спортсменцәа Ицәыргам акатегориа: Webarchive ашаблон wayback азхьарԥшқәа Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 09:05, 30 жьҭаарамза 2023. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%94%D0%B0%D1%80%D0%B0%D1%81%D0%B5%D0%BB%D0%B8%D0%B0,_%D0%92%D0%B8%D1%82%D0%B0%D0%BB%D0%B8_%D0%9A%D3%99%D1%8B%D1%85%D1%8C%D1%8B%D0%BD-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
2024-03-04T07:32:07Z
<urn:uuid:7b5a6b59-c141-44b1-92fb-1181e0f9e47b>
[ "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.71
0.69
0.91
13
3,129
tlsh:T108A82451BB40DF078177C019CA508AB91DF1A84781227221CEE6F9B12606158EBFDC23B3F9D8425965AB1526E252FA015E0EFCDE95BCFEF7329700346C3E34E6231872DA5E
Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә ассамблеиа Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵеит Қырҭтәылатәи арегионқәа – Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рымпыҵахалара аҟәыҵреи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы конструктивла алахәызаареи азы - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә ассамблеиа Урыстәылахь ааҧхьар... Иҵегь аҭагалара Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә ассамблеиа Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵеит Қырҭтәылатәи арегионқәа – Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рымпыҵахалара аҟәыҵреи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы конструктивла алахәызаареи азы 10:34, 07.07.2022 Ашықәстәи асессиаҿы Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә ассамблеиа иаднакылаз арезолиуциаҿы Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә ассамблеиа Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵеит Қырҭтәылатәи арегионқәа – Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рымпыҵахалара аҟәыҵреи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы конструктивла алахәызаареи азы. Асессиа мҩаҧысуан Бирмингем, ҧхынгәы 2-6 рзы. Адокумент аҿы Апарламенттә ассамблеиа алахәылацәа агәынамӡара аадырҧшит 2008 шықәсазы Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара иҟалаз аимак уажәгьы аҭыҧ ахьықәҵам азы. Дара Урыстәылатәи афедерациахь ааҧхьара ҟарҵеит амца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра инаӡаны анагӡаразы. Резолюция аганқәа ирыбжьанагоит уажәазы иҟоу амеханизмқәа рхархәарала алҵшәа зхылҵша аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгареи, зыҧшра ҟамҵакәа аибашьра аҟәыҵреи, Украинеи Қырҭтәылеи Молдовеи рҵакырадгьылтә акзаара апринцип ашьаҭала кыраамҭалатәи аҭынчра ашьақәыргылареи. Адокумент аҿы Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәылатәи арегионқәа – Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыларҟәреи иуадаҩӡоу агуманитартә ҭагылазаашьеи иақәыӡбоит. «Урыстәылатәи афедерациа зыӡбахәы ҳәоу аҳәынҭқаррақәа рыхәҭак ампыҵахалареи ахылаҧшреи нанагӡоит, ҳара ари аҭагылазаашьа ҕәҕәала ҳақәыӡбоит», — иануп арезолиуциаҿы. АПОЛИТИКА aрезолиуциa Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рымпыҵахалара Аусеицуреи aшәaрҭaдaреи рзы европaтәи aиҿкaaрa 3 Еиҧшу 49 тәыла, Қырҭтәыла урҭ ирылоуп, ЕАР Урыстәыла аԥшьгарала ицәырнагаз арезолиуциа иадымгылеит Европарламент Қырҭтәыла акандидат астатус аҭара абжьагарала Евроеидгыла ахеилак ахь ааҧхьара ҟазҵо арезолиуциа иадгылеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Румынтәыла апарламент ишьақәнарҕәҕәеит Молдовеи, Украинеи, Қырҭтәылеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи ревропатәи аперспектива иазку арезолиуциа Европарламент Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа рыла Ҭамаз Гинтури ишьра иадҳәланы арезолиуциа аднакылеит Свен Микс - Европатәи ахеилак ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит, Қырҭтәыла анапхгара рҟны аконсультациақәа шьаҭас рыҭаны, ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы аҭакзыԥхықәу ахаҿқәа рсиа шьақәдыргыларц, урҭ рганахьала асанкциақәа аларгаларц Анна Фотыга - Ҳара хықәкыс иҳамоуп Оҭхозориа-Татунашвили рсиа еиԥшу аиқәыԥхьаӡа аԥҵара, уи иабзоураны Қырҭтәыла апатриотцәа ирҿагыланы ацәгьоурақәа рзы аҭакзыԥхықәу ахаҿқәа рганахьала асанкциақәа ралагалара иаҳзымариахоит ЕАР ассамблеиа хада аднакылаз арезолиуциа ала, аганқәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Газа асектор аҿы "зыԥшра ҟамҵакәа, кыраамҭатәи, иҭышәынтәалоу агуманитартә аамҭалатәи аинышәара" ҟарҵарц Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиа Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵоит зыҧшра ҟамҵакәа Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа рҟынтә рхатә бџьармчқәа алыргарц ЕАР ассамблеиа хада импыҵахалоу Аԥсни Цхинвалтәи арегиони рҟынтә ихҵәоу ауааԥсыра рстатус иазку арезолиуциа аднакылеит, арезолиуциа 100 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа иадгылеит Аҩадатәи Македониа адәныҟатәи аусқәа рминистр, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы ахантәаҩра змоу атәыла ахьӡала, аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит Амш зеиҧшрахо 6° Ах Қaрҭ аҧшь 10° ахә 10° Авалиута акурс $ USD 2.6562 0.004 € EUR 2.8820 0.006 ₽ RUB 0.028893 0.017 £ GBP 3.3686 0.006 TOP 5 Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ишаанацҳаз ала Қырҭтәыла, Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәрақәа рҿы ахатә ҽазышәарақәа нанагӡоит, иашьҭанеиуа араунд азы аҽазыҟаҵара нанагӡоит Испаниа аԥыза-министр Илиа Ҭоԥуриа диԥылеит Робин Данниган – Америка еиҧш абас ҕәҕәала Қырҭтәыла иадгыло даҽа тәылак иҟам Павел Герчински - Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа Евроеидгылеи Қырҭтәылеи ирзеиԥшу ахәынаӡарақәа реиқәыршәараҿы ахадаратә роль нарыгӡоит
https://1tv.ge/lang/ab/news/awseitcwrei-ashar%D2%ADadarei-rzm-evropati-aitchvkaara-aparlamentt-assambleia-wrmstmlax%D1%8C-aaphx%D1%8Cara-khanaceit-qmr%D2%ADtmlati-aregionq/
2024-02-28T12:19:27Z
<urn:uuid:95c37218-f39f-402e-95b9-c8f583f1499c>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.6
0.97
52
8,108
tlsh:T1A10645F14444DB4BD873C058DA818D316DD1685B8625B670CEDAB470574514DEBFCD12E6FAFC4A4F309B1626E222BE15AA0AFCD658BDBBD7701300A06E2E34EA37E432C59E
Аоперативтә информациа анагӡараан жәабран 25 апатрультә пост «Ешыра» аҟы АҲЕ аусзуҩцәа игәарҭаз BMW X1 амашьына аидараҭыԥаҿы ирыԥшааит AvalonMiner 1066 pro 55 Тх/с амодель иаҵнакуа амаинг азы аппаратқә 5. Амашьына аԥсҟы икын Аԥны атәылауаҩ Пицулин. Аппаратқәа имырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп. Амаининг азы аппаратқәа 11 рыԥшааит амилициа агәаҭаратә пункт «Мысра» аҟны Аоперативтә информациа анагӡараан жәабран 25 АҲЕ аусзуҩцәа амилициа агәаҭаратә пункт «Мысра» аҟны игәарҭаз Toyota Mark X амашьына аидараҭыԥаҿы иаадырԥшит акриптовалиута арҳаразы аппартқәа 11. Амашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Кәаранӡиа. Аппаратқәа имырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп. Аҟәа иҟаз акриптоферма аадырԥшит АҲЕ аусзуҩцәа АҲЕ аоперативтә ҟәшақәа рмаҵзурауааи, Аԥны Ашәарҭадаратә Маҵзуреи Аҳәынҭстандарти русзуҩцәеи иаадырԥшит аус зуаз Whatsminer M30S+ амодель иаҵанакуа аӡтәы рхьшәагақәа рыла еиқәыршәо акриптоԥара арҳаразы аппаратқәа 39. Акриптоферма Аҟәа Адыгаа рымҩа, 9 иҟо ашьҭаҵарҭа ҭыԥ иаҵанакуа атехникатә хыбрақәа руак иҭаҵәахын. Еилкааз аинформациа ала, аппаратқәа Урыстәыла атәылауаҩ Евдокимов итәуп. Дара инырхо афымцамччхара 117 киловатт-сааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аппаратқәа имырхит. Азинеилагаразы […] Аԥснытәи акцизтә дыргақәа зқәмыз аҭаҭын аалыҵ рымыхрит Аҟәа Аоперативтә-профилактикатә усурақәа рымҩаԥгараан Аҟәа ақалақь аҿы АҲЕ амаҵзурауаа иаадрыԥшит Аԥснытәи акцизтә дыргақә змамыз 3 240 цыра асигаретқәеи 1 580 цыра астикқәеи. Аҭаҭын аалыҵ рыԥшааит ИП Аҩардан итәу ахәаахәҭратә обиект аҟны. Асиагертқәеи астикқәеи рымыхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп. 4 000 цыра аҭаҭын аалыҵ аадырԥшит агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аусзуҩцәа Аԥсны атәылауаҩ Шамба зыԥсҟы икыз Toyota амашьына агәаҭараан жәабран 15 АҲЕ амаҵзуруаа иаадырԥшит закәаншьаҭада аҳәаа ииагаз 4 000 цыра аҭаҭын аалыҵ. Асигаретқәа имырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа Аҳазалхратә Еилакы аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп. 4 000 цыра аҭаҭын аалыҵ рымырхит агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны Агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны иаанкылаз Аԥсны атәылауаҩ Шамба зыԥсҟы икыз Toyota амашьына агәаҭараан АҲЕ аусзуҩцәа иаадырԥшит 4 000 цыра аконтрабандатә аҭаҭын аалыҵ. Асигаретқәа имырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп. Аԥснытәи акцизтә дыргақәа змамыз аҭаҭын аалыҵ рыԥшааит Гәдоуҭа Аоперативтә-ԥшааратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан АҲЕ аусзуҩцәа Гәдоуҭатәи аџьармыкьаҿы иаадырԥшит Аԥснытәи акцизтә дыргақәа зқәымыз 4 860 цыра аҭаҭын аалыҵ. Атауар рҭиуан «Asorti Табак» захьӡу ахәаахәҭратә обиект аҿы. Аҭаҭын аалыҵ рымхуп. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп. Аԥснытәи акцизтә дыргақәа змамыз аҭаҭын аалыҵ аадырԥшит Гәдоуҭа Аҳәынҭқарратә Ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа Гәдоуҭатәи аџьармыкьаҿы ирыԥшааит Аԥснытәи акцизтә дыргақәа зқәымыз 4 600 цыра аҭаҭын аалыҵ. Аҭаҭыни астикқәеи рҭиуан Аԥсны атәылауаҩ Аиба итәу ахәаахәҭратә обиект аҿы. Атауар рымхуп. Азинеилагаразы аматериалқәа зегьы АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп. Амаининг ферма аадырԥшит Аҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа Аҟәа араион аҿы Аԥны Аҳазалхратә Еилакы амаҵзурауааи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи русзуҩцәеи Иашҭхәа ақыҭан ирыԥшааит аус зуаз акриптовалиута алхразы аппаратқә 63. Аферма ааглыхратә зона аҵәахырҭа иахьаҵанакуаз аҭыԥ аҿы иҟан. Еилкааз аинформациа ала, уи аԥшәымас дыҟоуп иарбоу ахыбра қьырала иаанкыланы измоу Аԥсны атәылауаҩ Смыр. Аппаратқәа Аԥсны Аҳәынҭстандарт иаҭоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы 2023 аплан нагӡахеит 129% рыла 2023 шықәсазы Аԥсны адәныҟахәаахәҭратә еикәыршара 49 002,7 миллиард мааҭ рҟынӡа инаӡеит. 2022 шықәсазтәи арбагақәа иаҿурԥшуазар, аицҵалыҵ 23% , мамзаргьы 9,072 миллиард рыла иазҳаит. Аимпорт 41 692,8 миллиард мааҭ рҟынӡа инаӡеит, аекспорт – 7 309,9 миллиард мааҭ рҟынӡа. Ҵыԥхтәи ашықәс аҩныҵҟа иҟаҵаз аҳазалхратә шәатәқәа 3 672,7 миллиард мааҭ итәеит. Убас, иазԥхьагәаҭаз арбага – уи 2 847,1 […]
https://customsra.com/ab/author/naala/
2024-03-01T18:39:28Z
<urn:uuid:4009467b-5648-44bf-8097-5de33f94044e>
[]
[]
abk-Cyrl
0.99
1
0.98
19
7,458
tlsh:T1B22D19F16644CF4BC8B7C0589DC198359CC26C479372B330CED9B1B5624205EEFFCE43EAEBD81A89A4DF1571C5526F25A94AECD924792EE7318300E0AE5F38D9269273929E
Украинатәи арбџьармчқәа Аштаб хада – Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Атәылахьчаратә мчқәа Авдеевкатәи ахырхарҭала 30 ажәыларақәа, Купиантәи ахырхарҭала 12 ажәыларақәа иҟәырҟьеит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Украинатәи арбџьармчқәа Аштаб хада – Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Атәылахьчаратә мчқәа Авдеев... Иҵегь аҭагалара Украинатәи арбџьармчқәа Аштаб хада – Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Атәылахьчаратә мчқәа Авдеевкатәи ахырхарҭала 30 ажәыларақәа, Купиантәи ахырхарҭала 12 ажәыларақәа иҟәырҟьеит 15:28, 23.11.2023 УКраинатәи арбџьармчқәа Аштаб хада адыррала, Урыстәыла, бжеиҳарала, Авдеевкатәи Купиантәи ахырхарҭақәа рыла ажәыларақәа мҩаҧнагоит. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Украинеи Урыстәылеи рыбжьара 74 арратә аиҿагыларақәа ҟалеит. Аҭынчуаа рыгәҭа иҭахази ахәрақәа заузи иҟоуп. Украина Аштаб хада адыррала, урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Авдеевка амацәаз иҭаркыр рҭахуп, аха, украинатәи арбџьармчқәа рпозициақәа рыхьчоит. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла украинатәи арбџьармчқәа урыстәылатәи аруааи, аџьаҧҳани, арратә техникеи ахьгылаз 24 ҭыҧқәа ираахеит. АДУНЕИАҾЫ Аибашьра Украинаҿ урыстәыла-украинатә еибашьра 5 Еиҧшу Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп Украина ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа Бахмуҭ ахырхарҭала ҧхьаҟа ицан, анхарҭатә пункт Ивановское хәҭак ааныркылет Урыстәыла ала Харьков аракетатә ажәылара амшала аҭырқәа журналистцәа аахақәа роуит Белгород алахысра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 24ҩык рҟынӡа Иаха Харьков алахысра амшала, 20ҩык иреиҵамкәа, британиатәи ажурналистгьы, ахәрақәа роуит Telegram-каналқәа рыла аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, аҕба "Новочеркасск" ажәылара амшала 33ҩык амшынуаа хабарӡа иӡит ҳәа иҧхьаӡоуп, 25ҩык ахәрақәа роуит, аӡәы дҭахеит Витали Кличко иҳәамҭала, аракетатә аахарақәа рымшала, Киев ахәыҷтәы хәышәтәырҭеи анхарҭатә корпуси аҧхасҭа роуит, 23ҩык аахақәа роуит Урыстәыла ала украинатәи ақьалақь Херсон алахысра амшала аҭынчуаҩк дҭахеит Иаха Урыстәыла 12 адронқәеи амҵәыжәҩатә ракетеи рыла Украина иажәылеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра - Украина, адронқәа рыла, урыстәылатәи аҵакырадгьыл иажәылеит Амш зеиҧшрахо 10° амҽ Қaрҭ ашә 11° аҩ 14° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/wkrainati-arbj%D1%8Carmchqa-ashtab-xada-ihauismz-waxmki-chvnaki-rmla-atmlax%D1%8Ccharat-mchqa-avdeevkati-axmrxar%D2%ADala-30-azh/
2024-03-03T05:36:14Z
<urn:uuid:8ac07efc-4702-4c90-9589-0039c6a2b211>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.62
0.95
47
5,341
tlsh:T1ED3B9DB154908B4FD573C1598F918E346CD26D4B5626B1A0CE9AF4B52A95059DEFCC03AABAEC484E74DB0112D126BF12160AFCE628BEBBD7600300E45E3D31ED33E476C5DE
Анализи алкааҧҵәеи рзы Аусбарҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат Хада иатәу структуратә хырхарҭоуп. Ари аусбарҭа ауснагӡараан изықәныҟәо акәны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә закәанҧҵареи, аҳәынҭқарра амчра зныҧшуа егьырҭ анорматив-зинтә актқәеи, ашәахтәқәареи, афинансттә-нхамҩеи, аусҧҟақәеи, аинструкциақәеи адҵаҧҟақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалоу. Анализи алкааҧҵәеи Русбарҭа ахықәкынагӡатә хадақәа иреиуоуп: – ашәахтәқәеи егьырҭ аизгақәеи рыхәҧсанаӡара ашьақәыргыларазы алкааҧҵәа ақәнаҟәара аус аиҿкаара, ашәаразы ишьақәыргылоу, мамзаргьы абиуџьеҭ ахь ишәахьоу, иара убас афинанстә санкциақәеи административтә хәдақәҵарақәеи; – ААР аинспекциақәа ақ. Аҟәеи егьырҭ араионқәеи рҿы имҩаҧырго акомплекстә гәаҭарақәа ахы рылархәра, ААР ақ. Аҟәеи егьырҭ араионқәеи рҿы анализи алкааҧҵәеи рзы рыҟәшақәа русушьа асистематә хылаҧшра рыҭара; – Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР ақ. Аҟәеи, егьырҭ араионқәеи рҿы ашәахтә инспекциақәа ркомплекстә гәаҭарақәа раан аналитикатә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаара, ахәҧсашәаратә дисциплина анализ азура, алкааҧҵәеи анализи рышәҟәқәа реидкылара; – алкааҧҵәақәеи ииашаны реиқәыршәашьеи, иахьынӡаҵабыргуи ахылаҧшра аҭара, ААР ақ. Аҟәа, егьырҭ араионтә аинспекциақәагьы ирыдыргало ақьаадқәа рҟнытә; – Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР анапхгара рзы алкааҧҵәақәеи егьырҭ ақьаадқәеи анализ рзура, алкааҧҵәа аҟаҵара; – Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР анапхгара рзы иҧшаам ашәахтәқәеи егьырҭ аизгақәеи алкааҧҵәақәа реиқәыршәара; – ашәахтә хәҧсарақәа ралагалашьа адекадатә еизгара рнырҧшра; – азаанаҭдырреи азаанаҭеиҭасреи рыла аҟәшақәа русзуҩцәа ирызку аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаара, рымҩаҧгара анализи алкааҧҵәақәеи рыҟәшақәа русзуҩцәа аҧхьа инаргыланы;
https://mns-ra.org/ab/central/analysis_and_reporting/
2024-02-23T20:12:02Z
<urn:uuid:9c321984-fd6f-4713-906c-b7aceb2e42c4>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
11
3,100
tlsh:T1A99BAB5145409797C4B3C08486A1DE362CE2641B4221EA31CE84B8B40F8200AD7BCC12BEBAF945CA64BB1612D21A6B24972FEDD968BD77D2B04580919E6E7CDD37F57DD6DC
Азеиҧш нхарҭатə ҩны аиҳабы Зураб Амҷба ҳара иаҳирбеит ахыбра, уи еиқəыршəоуп астудентцəа рынхара аиҕьтəразы ҳаамҭазтəи астандартқəа ирықəыршəаны. Араҟа иҟоуп аҧсшьарҭатə уадақəа, аспортзал, абиблиотека, ашəҟəыҧхьарҭатə зал, амедеицинатə уада раҧхьатəи ацхыраара роурц ахьрылшо. „Жəларбжьаратəи афонд Аҧсны“ ҩаҧхьа ацхыраара анаҭалоит ААУ азеиҧш нхарҭа, аҭагылазаашьа бзиақəа ахьаҧҵо инаҷыданы, иҟаҵатəқəоу ыҟоуп, иаҳҳəозар аспорттə дəы, иара убас егьырҭ ауадақəагьы. Аҿар Асоциалтә Инарҭбааны 28/09 2017 Аҟәатәи ақәыҧшцәа рыҩны апроект «Апрофориентациа ацентр» афинанстә цхыраара аиуит афонд аҟынтә Аҟәатәи ақәыҧшцәа рыҩны апроект «Апрофориентациа ацентр» напхгара алҭоит аҧсихолог, асеқциа аиҳабы Хаҭуна Лагәуаҧҳа. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ари апроект адгылара анаҭеит. Аноутбукқәа хәба ҳамҭас иананашьеит. Ари ацентр хықәкыс иамоуп ахәыҷқәеи, аҿари рзаанаҭ алхраҿы ацхыраара рыҭара. Апроект аусура иабзоураны, Аҧсны иаатуеит раҧхьатәи аусбарҭа, еизҳауа абиҧара рзаанаҭ алхраҿы ацхыраара рызҭо. Аҿар Асоциалтә "Адырра ҿыц" Инарҭбааны 25/07 2017 «Ани амаалықьи» ​«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭа ҩынтәуп иаҭаауеижьҭеи Гәниаа рҭаацәа. Апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭаацәа реиҳабы Рустам Гәыниа, раҧхьа ииз ихәыҷы изы шықәсык аҧхьа иоухьан аҳамҭа, усҟан афонд аусуцәа ажәа риҭеит шықәсык анаҩс ҩаҧхьа дшаауа, ус егьыҟалеит. Иахьа, уи инапы иаркын Амелиа Гәниаҧҳа хәыҷы лзы аҳамҭа. Ҳарҭ даара гәахәас иҟаҳҵоит ҳфонд аҧсуа ҭаацәарақәа анаҭаауа, ҿыц ииз рыхшара рыхьӡала адныҳәалара аныҟаҳҵо, аҳамҭақәа анранаҳшьо. Аҿар Асоциалтә «Ани амаалықьи» Инарҭбааны 29/06 2017 Евразиатәи ажәларқәа раҧхьатәи рфорум Лаҵарамза анҵәамҭазы, Москва ақалақь аҟны имҩаҧысит Евразиатәи ажәларқәа раҧхьатәи реизара. Аҧснынтә уи далахәын "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахаҭарнак занааҭла економисту Алиас Ҳашба. Евразиатәи афорум хықәкыс иаман абиҧара ҿыц реидкылара. Зегь раҧхьаӡа иргыланы ажәларқәа реиҩызара, аменеџьмент азы амастер классқәа рымҩаҧгара, иара убас аизыҟазаашьақәа рзы адыррақәа рыҭара. Алиас Ҳашба, афорум аусура алкаақәеи алҵшәақәеи дырзааҭгыло иазгәеиҭеит: Адәныҟатәи Аҿар Инарҭбааны 18/05 2017 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Мықә ақыҭа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго есымзатәи апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны уи аусура иацҵан Очамчыра араион Мықә ақыҭан. Апроект аҧҟарақәа инарықәыршәаны, аҧсуа школқәа аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәнаршәоит. Иахьа, Гьаргь Чачба ихьӡ зху Мықәтәи актәи абжьаратә школ аҵаҩцәа аҳамҭақәа рызнаргеит афонд ахаҭарнакцәа Симон Агрбеи, Роман Қапбеи. Ари аус аҟны афонд адгылара анаҭеит Ҭемыр Логәуа еиҳабыс дызмоу аиҿкаара «Морпром». Асоциалтә Аҿар «Агәамч» - Аспорт Инарҭбааны 21/11 2016 Аҧснытәи ахәыҷқәа Шәача имҩаҧысуаз ахоккеитә еицлабра иахәаҧшуан Абҵарамза 19, асабшаҽны , Аҧснытәи ашкол хәыҷқәа Шәача имҩаҧысуаз Салават Иулаев ихьӡ зху ахоккеитә клуби, Шәачатәи ахоккеитә клуби рыбжьара ицоз аицлабра иахәаҧшуан. Ахәыҷқәа ас еиҧш иҟаз агәырӷьаратә ҟазшьа змаз аныҳәа рзеиҿнакааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», ҳџьынџьуаҩ Енвер Лисини , уи иацыз ахарџьқәа зегьы иара ихахьы игеит. Енвер Лисин, Салават Иулаев ихьӡ зху ахоккеитә клуб ажәылаҩыс дыҟоуп. Аицлабра цонаҵы, аҧсуа хәыҷкәа, ахоккеитә матч аҿы ихәмаруаз Енвер Лисин изы ргәы былуан, иара идгылан. Иара ицәырҵра зегьы иацын абас еиҧш иҟаз аҿыҭбжьы: «Лисин, Лисин, Лисин». Асоциалтә Аҿар Акультуреи Аҵарадырреи Инарҭбааны 16/11 2016 Ашьапылампылтә клуб «Самырзаҟан» азы ашәҵатә форма ҿыцқәа Иахьа, апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Галтәи ашьапылампылтә команда « Самырзаҟан» 20 комплект инареиҳаны ашәҵатәы формақәа ҳамҭас иананашьеит. Афонд аофис иаҭааз ашьапылампылтә клуб «Самырзаҟан» азыҟаҵаҩ, иара убас Гал ақалақь аҿари аспорти рхеилак анапхгаҩы, насгьы ашьапылампыл асыҩцәа қәыҧшцәа, афонд ахада Сенер Гогәуа аҧхьа днаргыланы уи аусзуцәа зегьы ҭабуп ҳәа рарҳәеит иҟарҵаз ацхырааразы, иазгәарҭеит аспорттә иааирақәа ргаразы аҽазышәарақәа шыҟарҵо. Аҿар «Агәамч» - Аспорт Инарҭбааны 11/11 2016 Апроект «Атеатри ахәыҷқәеи» аусура иацнаҵеит Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Тҟәарчали Гәдоуҭеи рраионқәа рҟынтә, иара убас Ҭырқәтәылантә, Сириантә, Иорданиантә, Баҭымынтә зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ихынҳәыз абжьаратә школқәа рҟны аҵара зҵо 100-ҩык аҵаҩцәа ааҧхьара рыҭан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр ахь. Урҭ ирыцын арҵаҩцәеи, афонд ахьӡала араионқәа рҿы аус зуа ахаҭарнакцәеи, «Жәларбжьаратәи афонд» аусзуцәеи. Аҵаҩцәа алшара рыман Самсон Ҷанба ипиеса иалху «Амҳаџьырцәа» ала иқәыргылоу аспектакль ахәаҧшра. Аҿар Акультуреи Аҵарадырреи «Атеатри ахәыҷқәеи» Инарҭбааны 28/10 2016 Апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Гал араион Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа Гал араион иаҭааит, афонд имҩаҧнаго есымзатәи апроект «Агәамч» анагӡаразы. Галтәи актәи абжьаратә школ азы, афонд ахаҭарнакцәа Симон Агрба, Роман Қапба, Есма Ҭарҧҳа, афонд ахьӡала аҵаҩцәа рзы аспорттә маҭәахәқәа рызнаргеит. Уажәшьҭарнахыс урҭ алшара рымоуп бзиа ирбо аспорттә хәмаррақәа рымҩаҧгара. Уи аҵакы азгәаҭаны, ашкол адиреқтор Манана Владимир-иҧҳа Абыхәба, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа аҧхьа днаргыланы, ҭабуп ҳәа ралҳәеит афонд имҩаҧнаго, хра злоу ауснагӡатәқәа рзы. Асоциалтә Аҿар «Агәамч» - Аспорт Инарҭбааны 05/10 2016 Апроект «Агәамч» аусура иацҵоуп Гәдоуҭа араион. Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа аҭааит Гәдоуҭа араион, есымза афонд имҩаҧнаго апроект «Агәамч» анагӡаразы. Ҳазҭоу амзазы афонд ахьӡала, аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәыршәахеит Гәдоуҭатәи актәи абжьаратә школ. Аҳамҭақәа рыманы ари ашкол иаҭааит афонд ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа, афонд аусзуцәа Роман Қапба, Симон Агрба, Саида Кәарацхьелиаҧҳа.
http://fondapsny.org/ab/proekty/achar
2024-02-21T10:31:39Z
<urn:uuid:0f474a15-b25f-4bcf-bec2-c9b0d4322159>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.75
0.98
44
10,455
tlsh:T1E11D56229940DB4BD6B3C459DBC28E351CD09C17827272248ED9F4751142089FEFDC13ADBAFD0A4AB4DB1126D261BA01660AFCEA297DBFE3719300A16D3F38DE169876C5AE
Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт Ахыҵхырҭаҭҵааратә ҟәша ҳамҭас ианаҭеит акомпиутертә техника. Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны Ахыҵхырҭатә ҟәша имҩаҧнагоит акрызҵазкуа, ихәарҭоу аус. Уахь иаҵанакуеит еиуеиҧшым ахыҵхырҭақәеи, аусшәҟәқәеи реиҭашьақәыргылара, иара убас ижәытәу анапылаҩырақәеи, аҭыжьымҭақәеи реиҭагара. Акультуреи Аҵарадырреи "Адырра ҿыц" Инарҭбааны 29/10 2018 «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» Аԥсуа драматә театр аҳамҭа ананашьеит «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» имҩаԥнаго апроект «Атехнологиа ҿыцқәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр оргтехника ҳамҭас иананашьеит. Акыр шықәса раахыс «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсныи» Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә драматә театри аусеицура рыбжьоуп. Атеатр ацхыраарала ҳапроектқәа ираԥхьагылоу «Атеатри ахәыҷқәеи» қәҿиарала имҩасуеит. Аиԥылараҿы «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахада Сонер Гогәуа, атеатр адиректор ҭабуп ҳәа иеиҳәеит аусеицзуразы, иара убас иазгәеиҭеит аԥхьаҟагьы аусуреи ацхыраареи ишазыхиоу, атеатр-ҳажәлар ркультуратә хәышҭаара хатәрақәа ируакуп. Акультуреи Аҵарадырреи "Адырра ҿыц" Инарҭбааны 22 Жәа «Аҧсынтәыла сара стәыла» «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, аҧсышәала иҭыҵит ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла» ахҧатәи аномер. Аӡырга Акультуреи Аҵарадырреи Инарҭбааны 31/10 2017 Аҧсуа ҭҵааратә институт аҭоурых аҟәша ауадаҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшоуп Ааигәа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуа Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуа ҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәбеи, аусеицуреи аиҩызареи рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахахьы иагеит Аҧсуаҭҵааратә институт аҭоурых аҟәша ауада аремонт аҟаҵара. Акультуреи Аҵарадырреи Асоциалтә Инарҭбааны 18/10 2017 Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хада аҟны имҩаҧысит арт-пленер «Аҧсны ҭагалантәи аҧшшәқәа - 2017» Ахәбатәи Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аҧсны ҭагалантәи аҧшшәқәа-2017» ҳтәылаҿы имҩаҧысуан жьҭаара 10 инаркны 17-нӡа. Ари аамҭа иалагӡаны, Аҧснеиҧш егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтә арт-пленер иалахәыз асахьаҭыхыҩцәеи, арҵаҩцәеи, астудентцәеи алшара рыман Аҧсны аҭыҧ ҧшӡарақәа рҭаара, рҟазара аӡыргара. Асахьаҭыхыҩцәа мчыбжьык иалагӡаны рнапы иҵырхыз иреиӷьыз русумҭақәа Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хада аҟны иӡырган. Аихшьаалатә усмҩаҧгатә зхы алазырхәыз рхыҧхьаӡараҿы иҟан, арт-пленер аспонсорцәа ируаӡәку «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа. Акультуреи Аҵарадырреи Инарҭбааны 24/07 2017 Ҭырқәтәылатәи аспециалистцәа «Академиа» арҵаҩцәа рзы атренингқәа мҩаҧыргеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ааҧхьарала, Ҭырқәтәылантәи аҵарадырра аганахь ала ҳтәыла иаҭааит ҳџьынџьуаа Фиген Ашьхарааҧҳаи Иасемин Оҭырҧҳаи. Фиген Ашьхарааҧҳа, Адаҧазар ақалақь аҿы абызшәа ашкол аҟны аус луеит, Иасемин Оҭырҧҳа, Сҭампылтәи аҳәынҭқарратә университет аҟны апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа дырдокторуп. Акультуреи Аҵарадырреи "Академиа" - Арҵаратә центр Инарҭбааны 03/07 2017 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа усуратә визитла Испаниа дыҟоуп Акультуратә цәыргақәҵатә центр «Табакалер» имҩаҧысуеит афранцыз режиссиор Ерик Бодлер ицәыргақәҵа. Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны иӡыргоуп афильм «Асалам шәҟәқәа Мақс иахь» захьӡу, иара убас (Не посольство Абхазии).«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа иусбарҭаҿы идикылоит хыҧхьаӡара рацәала асасцәа, урҭ рыбжьара иҟоуп ажурналистцәа, аҭҵааҩцәа, афилософцәа, иара убас Аҧсны акультура, иааидкыланы атәыла аҿатә ҧсҭазаара иазҿлымҳау зегьы. Зыӡбахә азгәаҭоу апроект «Не посольство Абхазии» хацыркын 2014 ш. рзы, Париж. Акультуреи Аҵарадырреи Адәныҟатәи Инарҭбааны 12/06 2017 Аҧсуа бызшәа акурсқәа хәыда-ҧсада арҵара Иахьа, арҵаратә центр «Академиа» аҟны имҩаҧысит хатәгәаҧхарала аҧсуа бызшәа арҵаразы хәыда-ҧсада еиҿкааз апроект аихшьаала. Фымз иалагӡаны акурсқәа ирхысуан 50-ҩык. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, афонд аҟны иаҧҵоу аҧсуаразы ахеилак анапхгаҩы Оқтаи Ҷкотуеи иазгәарҭеит, аҧсуа бызшәа арҵаразы еиҿкаау акурсқәа алҵшәа бзиа шааарышьҭуа. Абызшәа ззымдыруаз астудентцәа, уажәшьҭарнахыс алшара рымоуп рхатәы бызшәала ацәажәара. Акультуреи Аҵарадырреи "Академиа" - Арҵаратә центр Инарҭбааны 15/05 2017 Б. Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» аҧхьара хыркәшоуп Ҭырқәтәыла Аҧсны аҳәынҭқарра, аҧсуа телерадиоеилахәыра, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» русеицурала еиҿкаау апроект «Ацынҵәарах» аҧхьара мҩаҧысуан Ҭырқәтәыла. Аҧсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, ароман «Ацынҵәарах» автор Баграт Шьынқәба шәышықәса ихыҵра инамаданы, ҳтәыла араионқәа зегьы рҟны ихацыркуп ароман хәҭа-хәҭала аҧхьара. Маи 10 инаркны 14-нӡа, ари ауснагӡатә иацҵан хдиаспора ахьынхо Ҭырқәтәыла. Адаҧазар, Сақариа, Сҭампыл, Қьефқьен, Џьгьарда-Сауксу аҭыҧқәа рҟны еиҿкаан ҳџьынџьуаа злахәыз аҭыхрақәа. Ԥшьымш ирылагӡаны «Ацынҵәарах» иаҧхьеит жәиҧшьҩык. Адемографиеи Арепатриациеи Акультуреи Аҵарадырреи Инарҭбааны 19/04 2017 Апроект «Атеатри ахәыҷқәеи» аусура иацнаҵеит Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Очамчыра араион иаҵанакуа ақыҭақәа Гәыҧ, Акәасқьа, Арасаӡыхь абжьаратә школқәа рҟынтә, Гагратәи абжьаратә школқәа хҧа рҟынтә ашколхәыҷқәа, иара убас ҳџьынџьуаа хәыҷқәа алшара рыман Аҧснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҭаара. Урҭ ирыцын арҵаҩцәеи, афонд ахаҭарнакцәеи. Ашколхәыҷқәа рхыҧхьаӡара 100-ҩык рҟынӡа инаӡон. Дара ахәаҧшит Самсон Ҷанба ипиеса иалху «Амҳаџьырцәа» ала иқәыргылоу аспектакль.
http://fondapsny.org/ab/proekty/akultura
2024-02-21T11:42:44Z
<urn:uuid:e4252be7-679e-4fdf-a09c-d8dc3089fd11>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.88
0.99
43
9,981
tlsh:T1F273E7228A448B4BD6B3C589DB814E395CC16D07422272318ED9F5B51641089FEFCD13ACB7EC0A8AB4EB1211D125BE12694EFCE929BDBEE371A214902D7F78ED2B9476C09E
Апрель 14 1994 шықәсазы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григории-иҧа Арӡынба инапы аҵаиҩит Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ақәҵара «Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аус аруразы аиҿкаатә «Аҧсны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рҳәынҭқарратә маҵзура азы». Ари арыцхә Аҧсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аҳәынҭқарратә маҵзура анапҵахаз мшуп. Анаҩс, декабрмза 2002 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟала ари амаҵзура Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аҳасабала ишьақәыргылахеит. Апрельмза 1994 шықәсазы ашәахтқәеи аизгақәеи рзы Аҳәынҭқарратә маҵзура раҧхьатәи анапхгаҩыс дҟалеит Беслан Константин-иҧа Кәыбраа. 1998 инаркны 1999 шықәсанӡа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра напхгара аиҭон Григори Ражьден-иҧа Еныкь. 1999 инаркны 2002 шықәсанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс дыҟан Константин Константин-иҧа Озган. 2002-2005 шықәсқәа рзы ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан А.Н. Лышәба. 2005-2010 шықәсқәа рзы ашәахтқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан Вахтанг Ахра-иҧа Ҧиҧиа. 2010 инаркны 2016 шықәсанӡа ашәахтқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан Рауф Аслан-иҧа Цымцба. Октиабрмза 2016 шықәса раахыс Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра напхгара аиҭоит Даур Лионти-иҧа Кәырмазиа. Уи ихаҭыҧуаҩцәас аус руеит Александр Ризабеи-иҧа Гәлиеи Геннадии Лионти-иҧа Арӡынбеи. Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра шьақәгылоуп аппарат Хадеи, Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыҧшь, Очамчыра, Галл араионқәеи Аҟәа ақалақьи рҿы иаҧҵоу ашәахтә инспекциақәа рыла. Аппарат Хада аилазаара иалоуп анаҩстәи аусбарҭақәа: азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа; ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа; аоперативтә усбарҭа; анализи алкаақәҵеи рзы аусбарҭа; азинқәҵаразы аусбарҭа; акадрқәеи аусеилыргареи рзы аусбарҭа; афинансқәеи аҧхьаӡаратәреи алкаақәҵеи рзы аусбарҭа; аинформатизациазы аусбарҭа. Раҧхьаӡа иргыланы, хықәкынагӡарак аҳасабала Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аҿаҧхьа иқәгылоуп атәыла аекономика иаҵанакуа асубиектқәа зегьы рыбжьара ашәахтә закәанҧҵара аусура хылаҧшра аҭара, иҧҵәоу ашәахтқәеи, егьырҭ аизгақәеи рыгжьра амҭакәа, ианаамҭоу аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ралагаларазы. Аппарат Хада аусбарҭақәа рпрактикатә усура ҵаҵҕәыс иамоуп ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ауснагӡара хра злоу ахырхарҭақәа рыла, «Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә маҵзуразы» захьӡу Азакәани, аминистрра аусбарҭақәа рықәҵарақәеи рыла.
https://mns-ra.org/eng/company/
2024-03-03T05:52:51Z
<urn:uuid:8d7cc641-43d9-486d-ae18-550f62467d8c>
[]
[]
abk-Cyrl
0.95
1
1
11
4,322
tlsh:T1013413916E409BB7C5F3C04987A1AA364CD2A4170261F130CE84B4B00B82049D7FCD23AEF9A8468AB46B1551D139BF24AA1BFFE5747D6FD7704240616E1F68DD37D4BDE69D
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Норвегиа аҳра ацҳаражәҳәаҩ ҿыц − Берглиот Ҳовланд дылҧылеит. Аибадырратә ҟазшьа змаз аиҧылара мҩаҧган аиҳабыра радминистрациаҿы. Аиҳабыра рнапхгаҩы адипломат амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара лыдныҳәаланы, наҟ-наҟтәи лусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Норвегиеи реизыҟазаашьақәеи аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, ацҳаражәҳәаҩ ҿыц ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ашьҭыхра дацхраап ҳәа дгәыҕуеит. Аҧыза-министр Норвегиа ацҳаражәҳәаҩ ҭабуп ҳәа леиҳәеит Норвегиа аҳра ала Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылареи азхаҵармра аполитика ақәныҟәареи азыҳәан. Ишазгәаҭаз ала, жәларбжьаратәи адонор ду аҳасабала, Норвегиа акыршықәса рыҩныҵҟа Қырҭтәыла иадгылоит, Қырҭтәыла уи иҳаракны ахә ршьоит. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Норвегиа аҳреи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҭбаара адинамика, ҷыдала − аполитикеи, атәылахьчареи, ашәарҭадареи, аҵареи, акультуреи аусхкқәа рҿы. АПОЛИТИКА Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили 3 Еиҧшу Иракли Ҕарибашвили – Агәра ганы сыҟоуп ҳара аглобалтә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны алҵшәа дуқәа шҳауа, адунеитә масштабла изҩыдоу, ишәҭыкакаҷу аҧеиҧш аиқәыршәара шҳалшо Иракли Ҕарибашвили адунеитә економика алидерцәа иформалымыз ршьыбжьхьа ихы алаирхәит Иракли Ҕарибашвили аилахәыра TAQA анапхгаҩы диҧылеит Аҳәынҭқарра, зынхарҭатә ҭагылазаашьа цәгьоу 1000 ҭаацәара анхарҭа ҿыцқәа рнаҭоит Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду ргәырҕьаҵәа иаҧыларц рзеиҕьасшьоит, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаҧсадгьылгьы Анцәа илҧха ҳагымзааит, аҭынчра ҳамазааит Иракли Ҕарибашвили Хавиер Коломина диҧылеит Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ари аус ҳазықәҧон, аус аауан, атәыла анапхгареи ажәлари ари астатус ҳҽаҧсаҳтәит Иракли Ҕарибашвили Урсула фон дер Лаиен лахь - Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит, ари аӡбара Қырҭтәылеи европатәи адемократиақәа рҭаацәареи ҕәҕәала еиднаҳәалоит Иракли Ҕарибашвили Евроеидгылаҿ ахантәаҩра змоу атәыла – Испаниа аҧыза-министр иахь - Қырҭтәыла, Евроеидгыла ҳаҧхьаҟатәи алахәыла аҳасабала, Европа ашәҭыкакаҷраҿы зҵакы дуу ароль нанагӡоит Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель иахь – Ҳажәлари анапхгара ззызуа аиҳабыреи ҳазну амчыбжь азы Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит Амш зеиҧшрахо 15° аҩ Қaрҭ Ах 15° аҧшь 13° Авалиута акурс $ USD 2.6590 0.001 € EUR 2.8863 0.012 ₽ RUB 0.029111 0.001 £ GBP 3.3708 0.012 TOP 5 Каха Калаӡе - Европеи адунеи рҿы ирбеит Кезерашвили хәымгарыла атәанчауаа шижьоз, убри иазыԥхьагәаҭаны, илоюистцәа аӡәгьы дырԥыломызт Иракли Кобахиӡе -Атурзим идуӡӡоу аполитикатә хықәкы амоуп, уи ажәларқәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҭбааразы ихырҳагоуп, ари атәыла ашәарҭадаразы аҵак ҷыда амоуп Аихқәа ишаарыцҳаз, Виктор Орбан Дональд Трамп хәажәкыра 8 рзы, Флорида диԥылоит Анри Оханашвили - Саломе Зурабишвили Саакашвили ашьауӷа ихылхыр, ари ақырҭуа ҳәынҭқарра аҿагылара мацара акәым, жәларбжьаратәи аӡбарҭа аӡбара аҿагыларахоит Европатәи аихқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла атуристтә потенциали, аӡынтәи акрортқәеи акультуреи ирызку астатиақәа ирыҩуеит
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-gharibashvili-qmr%D2%ADtmla-ikhow-norvegia-ahra-atcharazhhaui-tchvmtc-dmlphmleit/
2024-03-05T10:34:36Z
<urn:uuid:9f1f9675-f15d-4548-8494-910a7cc0dd2a>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.61
0.99
38
5,777
tlsh:T105BAF6C18A44CB4BD573C6A5CE919A323DC279478751B260CED6B9B16786098EFFCD13A9F9EC091BB09B1921C162BF142609ECEB18BEBBD7711600A11D3F38DE279471C29D
Архип Мирон-иԥа Лабахәуа (аур. Архип Миронович Лабахуа, ақырҭ. არქიფო მირონის ძე ლაბახუა; лаҵарамза 15, 1910 ш., Река, Аҟәатәи аокруг, Урыстәылатәи аимпериа — ԥхынҷкәынмза 28, 1992 ш., Қарҭ, Қырҭтәыла) — Аԥсни Асовети аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәии усзуҩ. Архип Мирон-иԥа Лабахәуа Аполитикатә партиа Алахәылара Асовет Еидгыла акоммунисттә партиа Аира хәажәкырамза 15, 1910 ш. Аԥсра ԥхынҷкәынмза 28, 1992 ш. Қарҭ Атәылауаҩра Урыстәылатәи аимпериа, Асовет Еидгыла, Қырҭтәыла Алма-матер Московский государственный горный университет Аусура инженер Анашьамҭақәа орден Трудового Красного Знамени орден «Знак Почёта» Абиографиа аредакциазура Архип Мирон-иԥа Лабахәуа Аԥсны аҭоурых аҿы иаанижьит ишьҭа лаша. Аԥснытәи АССР Асовет министрра Ахантәаҩы иаҳасабала иара илшоз зегьы ҟаиҵон аԥсуа жәлар ринтересқәеи рхатә ҳәынҭқарратә зинқәеи рыхьчараз. А.М. Лабахәуа иусураҿы азҿлымҳара ду азиуан аԥсуа ҿар рааӡареи урҭ рыпрофессионалтә зыҟаҵареи, еиҵагылоз аԥсуа интеллигенциа рынхамҩатә ԥсҭазаараҿы ирызцәырҵуаз апроблемақәа рыӡбареи аԥсуа кадрқәа реиҵагылареи дацхраауан. 1957 шықәса рзы иҟалеит зымҽхак ҭбааз аԥсуаа рықәгыларақәа Қырҭтәыла имҩаԥнагоз ассимилиациатә политика иаҿагыланы. Архип Мирон-иԥа дгылеит аԥсуа жәлар ринтересқәа рыхьчараз. Аобком амаӡаныҟәгаҩ Иван Ҭарбеи А.М. Лабахәуеи ашәҟәы рҩит КПСС Ацентр Комитет ахь, уаҟа иазааҭгылеит аԥсуа жәлар рзинқәа шеилаго ақырҭуа напхгара рганахь ала. Алитература аредакциазура Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Прицкер Л.М. История освоения Ткварчельского каменноугольного месторождения (1881 - 1935гг.). - Сухум: Алашара, 1966. - 171 с.
https://ab.m.wikipedia.org/wiki/%D0%9B%D0%B0%D0%B1%D0%B0%D1%85%D3%99%D1%83%D0%B0,_%D0%90%D1%80%D1%85%D0%B8%D0%BF_%D0%9C%D0%B8%D1%80%D0%BE%D0%BD-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
2024-02-22T08:34:08Z
<urn:uuid:3a6341be-0beb-4c8e-8d92-57f57b740aaa>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.8
0.71
0.98
21
2,916
tlsh:T1F5692E51CB40DA1FC177C859DA804D391CA2A84786327232CED5B470265640CDFFCC13A6F5B8A65F299F2201E113AE012B49FCE554BD7EE7628310A03D6E30E91748BBD58E
Апрезиденттә ҳәынҭқарра (алаҭ. praesidens аҟынтә, ажәа президент иаанаго аԥхьа итәоу ауп) — ари ареспубликатә напхгараҭара аформақәа иреиуоуп. Уи убас еиԥш республикоуп, уа инхо ажәлар иалырхуа атәыла иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратә орган мацара акәӡам, урҭ далырхуеит аҳәынҭқарра ахадагьы, уи аамҭаказы анагӡаратә мчрагьы хадас дамоуп. Аиҳабыра ракәзар, апрезидент иҿаԥхьа аҭакԥхықәра рымоуп, урҭ аҭыԥқәа рызҭо, амаҵзура иахазыргыло, иамхтәу, иаҭатәу зыӡбо апрезидент иоуп. Атәыла ахада азин имоуп апарламент иаднакыло азакәанқәа авето рықәҵара. Иара убасгьы, атәыла ахада арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ иоуп. Апрезидент дызхагылоу атәыла жәларбжьаратәи арена аҟны ахаҭарнакс, ӡыргаҩыс дыҟоуп. Апрезиденттә ҳәынҭқарра аилыркаара[аредакциазура | акод аредакциазура] Адемократиатә дунеи аҟны анапхгараҭара аформақәа еиуеиԥшым. ԥҟараны ишаԥҵоу еиԥш, аҳәынҭқарра напхгара азҭо иоуп аӡбамҭақәа рыдкыларагьы азин змоу. «Апрезиденттә ҳәынҭқарра» ахьӡ акәзар, уи зегьы аҳәоит. Уи азын Аконституциа аԥхьарагьы аҭахым. Ари аҳәынҭқарра хадара азиуеит апрезидент. Иара иоуп амаҵзуратә хаҿыс иҟоу, азинқәа зегьы змоу. Иара иоуп издызкыло зегь реиҳа ҵакы змоу аӡбамҭақәа. Жәаҳәарада, арҭқәа зегьы азакәанԥҵаратә актқәа ирнуп. Ус шакәугьы, иарбан ҳәынҭқарразаалакгьы аиҿартәышьа Аконституциа ауп ишьақәзыргыло. Ари азакәан аҟны иарбоуп аҳәынҭқарра аусушьа амеханизмқәа зегьы. Иара убасгьы, уа иазгәаҭоуп аӡбамҭақәа рыдкылашьа аиҿкаара, амаҵзуратә хаҿқәа, урҭ рнапаҵаҟа иҟоу уҳәа. Президенттә ҳәынҭқарраны иԥхьаӡоуп аҳәынҭқарра, уи ахадас иҟоу азинқәа зегьы имоуп. Ахада иоуп анагӡаратә мчра аусурагьы ҳәаақәызҵо. Иҟалалоит ус еиԥш аҭагылазаашьақәа, аамҭақәак рзы иара аминистрцәа реилазаарагьы напхгара анаиҭо. Апрезиденттә ҳәынҭқарра аҷыдарақәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Ас еиԥш аҳәынҭқарра аиҿкаашьа аформа аҷыдарақәа иреиуоуп уи аӡәы дахьахагылоу. Ара амчра зегьы апрезидент иҟны еизакуп. Иара анагӡаратә мчра напхгара аиҭоит, аминистрцәа аиҭоит, урҭ рҟынтәи аҳасабрбақәа идикылоит. Абра идыртәу, апрезиденттә ҳәынҭқарра – ари теориатә еилкаароуп. Апрактика аҟны аусура амеханизмқәа зегьы аҭыԥантәи акониунктуреи атрадициақәеи ирхьырԥшны ишьақәдыргылоит. Иаагап ҿырԥштәыс аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа. Мексика акәзар, Ахада иалхрақәа ишиашоу жәлары зегьы рыбжьаҭарала имҩаԥысуеит. Еиду Америкатәи Аштатқәа (США) рҟны ишиашоу акәымкәа, ажәлар ргәаҳәара нарыгӡоит. Уи иаанаго, ауаа дара ргәазыҳәара азгәаҭара «алхыҩцәа» ҳәа ззырҳәо ҷыдалатәи ауаа инарыгӡоит. Урҭ роуп апрезидентс иҟалогьы далызхуа. Даҽазныкгьы иазгәаҳҭап апрезиденттә ҳәынҭқарра аҟны алхрақәа рымҩаԥгашьа амеханизмқәа шеиуеиԥшым. Апрезиденттә ҳәынҭқарра аҷыдара хадақәа алаҳкаауазар, ара имҳәакәаны узаҩсуам апарламентнҭыҵтәи аҳәынҭқарра аԥҵашьа аформагьы. Фактны иазгәаҭатәуп атәыла Ахада шиакәу аминистрцәа азҭо. Дара иара иҿаԥхьа аҭакԥхықәра ду рыдуп. Иара убасгьы, апрезиденттә ҳәынҭқарра иаҷыда ҟазшьақәаны иҟоуп амчрақәа реихшара. Уи иаанагоит аҳәынҭқарра Ахада азин шимам апарламент аҿҳәара нҵәаанӡа аимырпра, аха апарламент иара аганахь ала аминистрцәа реилазаара ахь нырра амам. Апрезиденттә ҳәынҭқарра аҷыдара хада[аредакциазура | акод аредакциазура] Аҳәынҭқарра азакәанқәа урыламлакәан ус насҭха уахәаԥшуазар, уи анапхгараҭара аформа аилкаара даара иуадаҩхоит. Апрезиденттә ҳәынҭқарра иамоу аҷыдара, убоит амассатә информациатә хархәагақәа иҟарҵо адырраҭарақәа рҟынгьы. Уи аҷыдара апрезидент далнакаауеит егьырҭ атәылақәа реиҳабыра рҟынтәи. Аус злоу уи ауп, апрезидент ас еиԥш иҟоу аҳәынҭқарра аҟны алшара дуқәа ахьимоу ауп. Зегьыҵәҟьа ракәымзаргьы, лшарақәак рзынхоит апарламенти аиҳабыра реилазаареи. Аха урҭ еиҳарак аилацәажәаратә функциақәа роуп инарыгӡо. Иҟаҵатәу шыҟаҵатәу шьақәзырӷәӷәо апрезидент иоуп. Иара тәылақәак рҟны аҳәынҭқарра реиҳабыра напхгара риҭоит. Ас еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп Беларусиа, Узбекисҭан, Ҟазахсҭан. Ареспубликақәа рҟны ахада инапхгарала аколлегиалтә органқәа аус руеит. Уа аӡбамҭақәа ирылацәажәоит, аус рыдырулоит. Аха арҭ аӡбамҭақәа рыдкыларазы атәыла Ахада иажәа ауп ихадоу. Иара адокументқәа инапы рыҵаиҩуеит, иарбан органзаалакгьы зынагӡара хадараны иҟоу. Иара иоуп издызкыло амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа рҟынтә аҳасабрбақәа. Атәылақәа Уругваи, мамзаргьы Коста-Рика реиԥш иҟоу рҟны, аминистрцәа русуразы аҳасабырбақәа апарламент алахәылацәа роуп изызнарго. Дара роуп урҭ рамхразгьы азинмчы змоу. Аха, ас еиԥш ахҭысқәа ари аҩыза анапхгараҭара аформазы иҟазшьарбагам. Адемократиа апринципқәа рықәныҟәара[аредакциазура | акод аредакциазура] Ус еиԥш иунарбар ауеит, апрезиденттә республика ахьышьақәгылоу аҳәынҭқаррақәа тоталитартәуп ҳәа. Избанзар, уа амчрақәа рацәаны аӡәы инапаҟны иҟоуп азы. Ахаҭарнакратә орган аганахь ала ахылаԥшра, уи аусура акы иаҿырԥшуп. Аха ас еиԥш иҟоу аҳәынҭқаррақәа рконституциа аҟны иагәылоуп даҽа механизмк, адемократиатә принципқәа азгәазҭо. Аус злоу алхрақәа роуп. Ишаԥу еиԥш, аҳәынҭқарра ахада иалхразы рыбжьы арҭоит атәылауаа зегьы. Даҽакала иуҳәозар, ауаа ирымоуп алшара, рыԥсҭазаара шықәсқәак ирылагӡаны изхьыԥшхо иалхра апроцесс анырра аҭаразы. Ҿырԥштәыс иаагозар, атәылақәа Мексикеи Мысреи (Египет) ртәылауаа алхырҭатә ҭыԥ аҟны рыбжьы ирҭоит зыгәра рго акандидат. Акандидатцәа ркадидатурақәа ықәзыргыло апартиақәа роуп, даҽакала иуҳәозар, хшыҩҵакык еиднакыло атәылауаа реилазаара. Зынӡа даҽа механизмк азгәаҭоуп Еиду Америкатәи Аштатқәа Рконституциа аҟны. Ари атәылаҟны атәылауаа апрезидентрахь акандидат изы акәӡам рыбжьы зарҭо, ара рыбжьы зырҭо ауаҩы дара рыхьӡала аплебисцит далахәхоит. Ас еиԥш алхратә принципқәа инахыкәшаны имҩаԥырго ҳәа иашьҭоуп. Изеиԥшроузеи анапхгараҭатә форма Урыстәыла?[аредакциазура | акод аредакциазура] Ахыҵхырҭақәа рҟны ари атемазы аимак — аиҿакқәа цоит. Аӡәырҩы убас еиԥш агәаанагара рҳәоит – Урыстәыла — ари президенттә ҳәынҭқарроуп ҳәа. Даҽа џьоукы ишьақәдырӷәӷәоит атәылаҟны еилаԥсоу анапхгараҭаратә форма аҭыԥ амоуп ҳәа. Аха ара Аконституциа иазхьаԥштәуп. Азакәан хада, аҳәынҭқарра Ахада изинмчи истатуси, Афедералтә еизареи Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыреи ирызкыз аҟәшақәа анализ азызуз аҭҵааҩцәа лкаак иазааиуеит. Ари алкаа иаҳәо акоуп, Урыстәыла ари президенттә республикоуп. Уи Ахада даара иҭбаау азинмчы имоуп. Ас еиԥш алкаа ҟазҵо аҭҵааҩцәа раппонентцәа ишазгәарҭо ала, арҭ азинмчқәа Урыстәылатәи Афедерациа Ахеилак ҷыдалатәи аӡбамҭақәа рыла ишьақәнарӷәӷәар ауп. Дара ззаиуа апрезидентбжатә ҳәынҭқарра ауп. Убри аан иҳәатәуп арҭ аспециалистцәа ас еиԥш атәылаҟны апарламент даара иԥсыҽуп ҳәа шырыԥхьаӡо. Апрезиденттә ҳәынҭқарра аҟны анапхгара[аредакциазура | акод аредакциазура] Ҳарзааҭгылап анагӡаратә мчрақәа русура апринципқәа. Уи, ишаԥу еиԥш, ауаажәларра рыԥсҭазаара ианыԥшуеит. Адемократиа апринцип убас еиԥш амчратә еилазаара азԥхьагәанаҭоит, уи амахәҭақәа дара-дара хылаԥшра анырзыҟарҵо. Ари аганахь ала апрезидентә ҳәынҭқарра идеалтәым. Аус злоу, анагӡаратә мчра еснагь аҳәынҭқарра Ахада хылаԥшра ахьеиҭо ауп. Иара имоуп азин министрс рыҟаҵара изыманшәалоу ауаа. Урҭ рамхрагьы илшоит ауаажәларра ргәаанагара иахьмырԥшыкәан. Абра иҳәатәуп, тәылақәак рҟны апрезидентә напхгараҭара аформа аҟны зыӡбахә ҳамоу ашьақәгылашьа аиҭакрақәа шалагалоу. Уа апарламент азин амоуп анагӡаратә мчра анырра аҭаразы. Ҿырԥштәыс иагозар – аиҳабыра рлахәылацәа русура хылаԥшра аҭара. Урҭ раҭаразы апарламент иазҵаатәызар, уи ус иагьыҟаҵатәуп азы, ара иузҳәом злеишәа ӷәӷәоу апрезиденттә ҳәынҭқарра аӡбахә. Апрезиденттә ҳәынҭқарра шьахә[аредакциазура | акод аредакциазура] Тәылақәак рҟны убас еиԥш анапхгараҭаратә форма аҭыԥ амоуп, аҳәынҭқарра Ахада амчратә зин амазаара ала зегьы данақәиҭу. Усҟан ауп апрезиденттә ҳәынҭқарра шьахә ҳәагьы аназырҳәо. Ара амчра аҽеиҩнашом. Аӡәы заҵәык иоуп амчра ахәҭақәа зегьы напхгара рызҭо, урҭ ыҟазар. Адемократиатә уаажәларра аҟны аус зуа асистема уи иаҟазшьаҷыдам. Апрезидент ишакәызаалак ныррак узиҭом. Ас еиԥш анапхгараҭара аформа мрагыларатәи атәылақәа роуп изҷыдаҟазшьоу. Ҿырԥштәыс лассы-лассы иааргоит Туркментәыла, мамзаргьы Латинтәи Америка атәылақәа. Апрезиденттә республика аилкаара зынӡак иуадаҩӡам. Ас еиԥш аилазаара аҟны аҳәынҭқарра Ахада акыр азинқәа рзы аҭакԥхықәрақәа идуп. Аха, усҟан адемократиа апринципқәа ирықәныҟәома, ирықәымныҟәома аилыргара аҭахуп, ишьақәгылоу иалкаау ҭагылазаашьак иахьырԥшны. Аҳәынҭқарра аргылара – ари даара иацклаԥшны изызнеитәу усуп. Атрадициақәа рызхьаԥшра ари аус аҟны аҵак ду амоуп. Апрезиденттә ҳәынҭқарра ихадароу, даҽакы излаламҩашьо аҟазшьаҷыдарақәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Апрезиденттә ҳәынҭқара ихадоу, даҽакы излаламҩашьо ҟазшьаҷыданы иамоуп (апарламенттә республика иаҿырԥшны уахәаԥшуазар) анагӡаратә мчра, уи ашьақәгылара, аҭагылазаашьа, аусура, аҭакԥхықәра азакәанԥҵаратә мчра иаҟәыганы иахьыҟоу. Арҭ аҳәынҭқарратә мчрақәа реизыҟазаашьақәа рсистема акәзар, шьаҭас иамоу наҟ-ааҟтәи аибакапанреи анагӡареи роуп. Абарҭқәа рҟынтәи ицәырҵуеит егьырҭ апрезиденттә ҳәынҭқарра акрызҵазкуа аҷыдаҟазшьақәагьы: апрезидентгьы, апарламентгьы алызхуа ажәлар роуп; апрезидент азин имам иара ианиҭахха аамҭазы апарламент иара аҿҳәара нҵәаанӡа аимырпра (аконституциатә ԥҟарақәа ирықәымшәозар), апарламентгьы аҳәынҭқарра ахада имаҵзура дырзамхуам (аимпичмент рыларымҳәар), насгьы аиҳабыра рахь агәрамгара аарԥшны ԥхьатәара ирзышьҭуам; атәыла анапхгараҭараҟны ироль дууп аҳәынҭқарра Ахада, уи лассы-лассы аҳәынҭқарреи анагӡаратә мчреи хадас дрымоуп; апрезидент ихаҭа иоуп аиҳабыра азҭо, насгьы ԥхьатәара изышьҭуа; аминистрцәа аиҭоит, иамихуеит; апрезиденти иара иеиҳабыреи апарламент аҿаԥхьа рполитикеи русуреи рзы ҭакԥхықәра рыдым (аиҳабыра ас еиԥш аҭакԥхықәра ахьрыду аҳәынҭқарра Ахада иҿаԥхьа ауп), апарламент акәзар, аминистрцәа азамхуам, дара азакәан еиларымгазар; апрезидент азин имоуп апарламент иаднакыло азакәанқәа аамҭала рыдкыларазы ахырԥара, аха апарламент иалшоит, иара аилазаараҿы иҟоу рыбжьқәа реиҳарала ас еиԥш аӡбамҭа аԥыхра; Иҟоуп ҭагылазаашьақәак, аҳәынҭқарра Ахада иреиҳау анагӡаратә мчра амаҵзурауааи аӡбаҩцәеи раҭара аан апарламент, мамзаргьы апалата алахәылацәа рақәшаҳаҭра аниҭаху; аҳәынҭқарра Ахада инапы зҵеиҩуа жәларбжьаратәи адокументқәа аратификациа азнаур ауп апарламент; аӡбаратә мчра хылаԥшра анаҭоит аконституциеи азакәантә актқәеи рынагӡара, насгьы ишьақәгылоу азинмчы ақәныҟәара. Апрезиденттә ҳәынҭқаррақәа еицырзеиԥшу ҳәаақәак ирҭаку аиԥшзаара шрымоугьы, иахьеиԥшымгьы ыҟоуп. Ҿырԥштәыс иаагозар (Еиду Америкатәи Аштатқәа, Бразилиа), апрезидент ихаҭа аминистрцәа реилазаарагьы дахагылоуп, егьырҭ атәылақәа рҟны – аҳәынҭқарра Ахада инаиваргыланы иҟоуп — аиҳабыра, Аминистрцәа рхеилак, урҭ напхгара риҭоит аԥыза — министр (Урыстәыла, Мысра уб. егь.). Еиду Америкатәи Аштатқәа, Нигериа уҳәа тәылақәак рҟны апрезидент аминистрцәа анеиҭо асенат ақәшаҳаҭра аҭахны иҟоуп, Бразилиа акәзар, ус еиԥш аҭахны иҟам. Акыр апрезиденттә ҳәынҭқаррақәа рҟны, азин ыҟоуп даҽа напхгараҭаратә формақәакгьы, иаҳҳәозар, аиҳабыреи аминистрцәеи апарламент ианахьыԥшу. Ас еиԥш иҟоу республикақәак рҟны дыҟоуп, иара убасгьы, аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩы (Еиду Америкатәи Аштатқәа, Мысра...). Иара убасгьы, иумбарц залшом ҳәаак иҭакыу президенттә формак змоу аҳәынҭқаррақәа рҟынгьы Ахада имчра иаҵанакуа аиԥшымзаара ӷәӷәақәа анамоу. Усҟан аҳәынҭқарра Ахада инапаҵаҟа иҟалоит иҷыдоу азин амазаара, даҽакала иуҳәозар, амчра зегьы уи амчра ду змоу апрезидент ҳәынҭқарра ҳәа азырҳәоит. Лассы-лассы ас еиԥш аҭыԥ рымоуп хаз игоу, аҿиараҿы акыр еиҵаханы иҟоу латинтәи америкатәи, африкатәи, азиатәи атәылақәа рҟны, насгьы еиҳарак апрезидент имчра арратә хҳәарақәа ирыбзоураны иахьышьақәырӷәӷәаз, убасгьы аҳәынҭқарратә мчра адемократиатә традициақәа ирықәшәо иахьеиҿкаамыз атәылақәа рҟни, иахьа ҿыц адемократиа амҩа иқәлази (Урыстәыла, Узбекистан уб.егь.). Апрезиденттә ҳәынҭқарра бзиарас иамоу Апрезиденттә ҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә напхгараҭара аформак еиԥш иамоу ахаҭабзиарақәа азгәаҭамзарц залшом. Зегьраԥхьа иргыланы, ари аҳәынҭқарра амчра аихшаразы иҭышәынтәалоу аҭагылазаашьақәа аԥнаҵоит. Иҩбахаз, ажәлар зегьы еицалырхуа атәыла Ахада атәыла акзаара дахаҭароуп, амилаҭ ракзаара дасимволны дықәгылоит… Ахԥатәи, ари аформа иалнаршоит, атәыла аҿиара аан акризистәи аиасратәи етапқәа раан даара ихадоу, иреиҳаӡоу анапхгараҭаратә мчра анапык аҟны аагара, иаарласны, акрызҵазкуа амилаҭбжьаратә проблемақәеи рыӡбара, амчрақәа реизакра. Иԥшьбатәихаз, апрезиденттә напхгараҭаратә форма даара иарԥсыҽуеит лассы-лассы зҽызыԥсахуа апартиатәи афракциатәи еизыҟазаашьақәа, апарламент аусураҟны иуԥыло ацәырҵрақәа. Убриаан иазгәоумҭарц залшом, апрезиденттә республика аҳәаақәа ирҭагӡаны ишазҳауа азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи мчрақәа реиҿагылара, еиҳаракгьы ас еиԥш аҭыԥ аиуеит апрактика аҟны иалху Ахада партиак ахаҭарнакс даныҟоу, апарламент адепутатцәа реиҳараҩык даҽа партиак, мамзаргьы блокк ианахаҭарнакцәоу. Аҵыхәтәаны иаагоу аҭагылазаашьа изныкымкәа аҭыԥ аман Еиду Америкатәи Аштатқәеи Урыстәылеи рҟны. Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] https://works.doklad.ru/view/01WAo_rXcLQ.html https://businessman.ru/new-prezidentskaya-respublika.html https://studme.org/254714/pravo/prezidentskaya_respublika https://studwood.ru/845199/pravo/prezidentskaya_respublika https://lawbook.online/gosudarstva-prava-teoriya/respublika-ponyatie-priznaki-vidyi-36453.html https://moluch.ru/archive/239/55348/ https://revolution.allbest.ru/law/00513341_0.html https://ktonanovenkogo.ru/voprosy-i-otvety/respublika-chto-ehto-takoe-opredelenie-vidy-prezidentskaya-parlamentskaya-smeshannaya.html https://mylektsii.su/11-81306.html https://studme.org/254714/pravo/prezidentskaya_respublika https://www.altairegion22.ru/gov/administration/stuct/justice_of_the_peace/besplatnaya-yuridicheskaya-pomosch/Pravovoe-prosveshchenie/Forma-pravleniia-gosudarstva.php Иархивитәиз 2021-02-06 ахь Wayback Machine https://lawbook.online/gosudarstva-prava-teoriya/respublika-ponyatie-priznaki-vidyi-36453.html Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Апрезиденттә_ҳәынҭқарра&oldid=133246 Акатегориақәа: Атәыла аформақәа Аполитикате системақәа Апрезидентцәа Ицәыргам акатегориа: Webarchive ашаблон wayback азхьарԥшқәа Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 00:04, 4 жьҭаарамза 2023. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BF%D1%80%D0%B5%D0%B7%D0%B8%D0%B4%D0%B5%D0%BD%D1%82%D1%82%D3%99_%D2%B3%D3%99%D1%8B%D0%BD%D2%AD%D2%9B%D0%B0%D1%80%D1%80%D0%B0
2024-03-03T02:40:37Z
<urn:uuid:dc6bcd4e-c04f-4c0d-b311-940287c083d4>
[ "footer" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.94
0.97
0.93
38
25,320
tlsh:T1F79BA1B27980DB47D2B3D099DA518E326DC064034322B270CEC9F4B11A46099EBFCD129BFAE81B4A74AF1511D263BF15A90AFDE9657E6EDB609240E16D3F38D9336432D6ED
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәирамш! Шәара шәырҿиара бзианы ирдыруеит ҳтәылаҟнеиԥш уи анҭыҵгьы. Шәара аԥсуа музыкатә культура шәахаҿроуп, шәашәақәа уи иузаҟәымҭхо иалоуп. Авокалтә инструменталтә ансамбль "Аԥсны-67" агәыԥ аҟны ианҵаз амузыкатә аԥҵамҭақәа "Фама", "Наныкьара", "Ачара ду" аԥсуа естрадатә ашәақәа бзиа избо зегьы еицырдыруеит. Жәлар рыбзиабара, разхаҵара, раҳаҭыр шәаԥсахеит аҟнытә Шәара ишәыхҵоуп Аԥсны Жәлар артист ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. Шәара шәыԥшӡара, шәбаҩхатәра, шәпатриотизм, шәҟазшьа аҷыдарақәа аԥсуа ԥҳәыс лхаҿсахьазы иҿырԥшыганы иҟоуп. Акыршықәса шәиаҵәа ҳкультура арлашалааит, иара убас абаҩхатәра злоу Аԥсны абиԥара ҿыцқәа рзы имҩақәҵаганы иҟазааит. Ҳаҭыр зқәу Лиудмила Хьыцкәыр-иԥҳа! Ишәзааигәоугьы Шәаргьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара агәамч, шәырҿиараҟны аизҳазыӷьареи аихьӡарақәеи!» Твитнуть Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://presidentofabkhazia.org/aps/newsfeed_aps/detail.php?ELEMENT_ID=15337
2024-02-22T14:11:49Z
<urn:uuid:c639162f-e10b-4316-891e-94d5de80daed>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.84
0.83
0.95
12
2,363
tlsh:T195626A41AA449B8FD6B3D0DD9A424E3928C0290146723361CFCDF0750282099EBBCC03EAEBE52547B4D71571D0617A14B40EECD928BDAED3709250B22C2FB8ED37A876D29E
Ииасыз амчыбжь азы Берлин ихыркәшахеит Жәларбжьаратәи аконференциа «Международный Диалог по передвижению в Умном Городе». Иара еиҿнакааит Academus Berlin GmbH. Аконференциа иалахәын адунеи ақалақьқәа жәпакы рхадарақәа рхаҭарнакцәа, абизнес алахәылацәа, аҭҵаарадырратә еилазаареи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа. 16 November 2019 954 Даур Ақаҩба Аԥсуа культуратә центрқәа рахь иааԥхьара Абҵара 16 рзы Ҭырқәтәыла Адаԥазары (Сакариа) имҩаԥысит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа изаамҭанытәиу 6-тәи апленартә еилатәара. 15 November 2019 804 Аԥснытәи адипломатцәа ҿарацәа III Аглобалтә форум иалахәуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ иаԥҵоу Адипломатцәа ҿарацәа рхеилак алахәылацәа Асҭанда Патараиа (Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ иаԥҵоу Адипломатцәа ҿарацәа рхеилак ахантәаҩы), Инар Ладариа (Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ иаԥҵоу Адипломатцәа ҿарацәа рхеилак ахантәаҩы лхаҭыԥуаҩ), Саид Какалиеи Валериа Цкуеи (Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ иаԥҵоу Адипломатцәа ҿарацәа рхеилак алахәылацәа) рҽаладырхәит Адипломатцәа ҿарацәа III рглобалтә форум. Дара уахь анаԥхьара рыҭан Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ иаԥҵоу Адипломатцәа ҿарацәа рхеилак аҟынтәи. 14 November 2019 817 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Приднестровие Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ аиԥылара мҩаԥган Приднестровие Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Приднестровие Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатьеви Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакс Приднестровие Молдавиатәи ареспубликаҿ иҟоу Александр Ватамани еиԥылеит. Аиԥылара далахәын Приднестровие Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Стециук. 13 November 2019 563 Анотақәа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Игор Ахба дидныҳәалеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изынеишьҭит Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ашьаҭаркраз Аусԥҟа анапы аҵаҩуижьҭеи 11 шықәса аҵра инадҳәаланы. 12 November 2019 904 Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Китаитәи аделегациа рыдыркылеит Абҵара 12 рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Китаитәи Жәлар рреспублика аделегациа идикылеит. Аделегациа иалахәын Китаи-Азиатәи аекономикатә ҿиара Ассоциациа ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Лиу Иа Джуни ШаньДжи аофис адиректор, афирма China Unicom анџьныр хада Лонг Веибои. Аиԥылара далахәын Аԥсны Афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба. 12 November 2019 908 Анотақәа Даур Ақаҩба Џьорџь Хиуит дидныҳәалеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба британиатәи аҵарауаҩ, кавказҭҵааҩ, Лондонтәи ауниверситет Мрагыларатәии Африкатәии аҭҵаарақәа Рышкол апрофессор, Британиа Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳаҭыртә лахәыла, Жәларбжьаратәи Аҭҵаарадырратә ачерқьестә академиа аҳаҭыртә лахәыла, Британиа иҟоу Аԥсны аҳаҭыртә консул, «Ахьӡ-аԥша» аорден занашьоу Џьорџь Хиуит 70-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит. 11 November 2019 908 Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Даур Ақаҩбеи Патрик Поппели аиԥылара мҩаԥыргеит Абҵара 11 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аминистр Даур Ақаҩбеи Аԥсны-Австриатәи аиҿкаара аиҳабы Патрик Поппели реиԥылара. 8 November 2019 1106 Анотақәа Максим Забалуев Даур Ақаҩба диирдырит МККА ахада ҿыц Абҵара 7 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрр Даур Ақаҩба дидикылеит Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аилак амиссиа ахада Максим Забалуев. Иара аминистр диирдырит Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аилак амиссиа ахадараҟны иара дзыԥсахраны иҟоу Маттиас Ваинраих.  7 November 2019 935 Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Даур Ақаҩбеи Федерико Диспензеи реиԥылара мҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Аахыҵ Кавказ аҟны ООН аҿиара апрограмма (UNDP) апроектқәа рзы амениџьер Федерико Диспензеи еиԥылеит абҵара 7 рзы. Аиԥылара иалахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Рдепартамент аиҳабы Артур Гагәылиеи Аахыҵ Кавказ аҟны ООН аҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны апрект азы аҟазауаҩ Симон Агрбеи.
http://mfaapsny.org/allnews/news/othernews/inal-ardzinba-otbyl-s-rabochey-poezdkoy-v-moskvu?PAGEN_1=65
2024-02-22T10:54:35Z
<urn:uuid:4d4f2e98-8b07-44cb-8a23-d046a615e6b3>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
1
0.97
20
7,344
tlsh:T1654EC0E16708CE5BCA73D0989AA198309DD0AC4B42707271DE95F5A4261214DEBFCD13E5B6BC298B74EF1652D643AF016B0EFDE6247D7F87719305A03E2F38E9378472968E
Аӡбараҿ имҩаԥсыз иахьатәи аилатәараҿ Михеил Саакашвили афатә аалыҵ ахә ацәгьахареи "атәылауаҩратә хыхьчаразы" ацәаҳәа ҷыда аиҿкаареи дрыхцәажәеит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Аӡбараҿ имҩаԥсыз иахьатәи аилатәараҿ Михеил Саакашвили афатә аалыҵ ахә ацәгьахареи "атәыла... Иҵегь аҭагалара Аӡбараҿ имҩаԥсыз иахьатәи аилатәараҿ Михеил Саакашвили афатә аалыҵ ахә ацәгьахареи "атәылауаҩратә хыхьчаразы" ацәаҳәа ҷыда аиҿкаареи дрыхцәажәеит 12:47, 30.10.2023 Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭаҿ аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә жәмиллион лари аныхра аус азы Қырҭтәыла ԥастәи ахада Михеил Саакашвили ипроцесс мҩаԥысуеит. Михеил Саакашвили апроцесс анахарала ихы алаирхәит. Иқәгылараан Михеил Саакашвили афатә аалыҵ ахә ацәгьахара дазааҭгылеит. „Ҳхарџьқәа ма ахада ихарџьқәа ҳанрыхцәажәо аамҭазы, ақәац 20-25 лари иаԥсоуп, аҟәыд ааларк иаҟарахеит. Арыц ахә хәларк рҟынӡа ишьҭыҵит. Адунеи аҿы ахә мариахеит аха ҳа ҳҿы ацәхәда ааларк иаԥсоуп”, – иҳәеит Саакашвили. Михеил Саакашвили иажәақәа рыла, иахьа атәылаҿ амобилизациа амазароуп, избан акәзар ашәарҭа ду иҭагылоуп. Саакашвили ишазгәеиҭаз ала, имоу адыррақәа рыла, Қырҭтәыла адиверсиатә гәыԥ иҟоуп, уюр аҟынтә “атәылауаҩратә хыхьчаразы” ацәаҳәа ҷыда иаԥҵатәуп. Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭаҿ аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә жәмиллион лари аныхра аус азы ахара идуп аҳәынҭқаррахьчаратә маҵзура ԥасатәи аиҳабы Ҭемур Џьанашиа. АЗИН АПОЛИТИКА Сaaкaшвили 3 Еиҧшу "Амилаҭтә ҵысра" аинформациала, Бухарест хәажәкыра 6-7 рзы имҩаԥысуа EPP аконгресс ахь дааԥхьоуп Михеил Саакашвили Каха Калаӡе - Украина аҭагылазаашьа даара ицәгьоуп, априоритет Саакашвили иакәзар, ари дара рхаҭа ирыӡбароуп, Саакашвили иқәнаго анхиго ашьҭахь ихы дақәиҭхоит Ҭина Бокучава - Апартиа "Қырҭтәылазы" иаланарҵәаз аҳәамҭала иубоит, Саакашвили Путин ибаандаҩы шиаку Михеил Саакашвили - Ахәыҷқәа рацәаны иироуп, ақырҭуа аҳәса араԥ, америкатә, австриатә ма бангладештәи ахәҷықәа ракәым, ақырҭуа хәыҷқәа ирыхшароуп ЕАШ аҳәынҭдепартамент апресспикер ихаҭыԥуаҩ - ЕАШ ацҳаражәҳәара аусуҩцәа Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили илобирра ахаан иалахәымызт Михаил Саакашвили иус азы иахьатәи апроцесс ахырԥоуп Иракли Кобахиӡе - Саакашвили дбаандаҩуп, аха абахҭа дҭакым, ахыԥхасҭатәра даҿын, абри аамҭазы ҳара игәабзиара иазкны лахьы ҳарҭон, ари ииашам ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент апресспикер - Саакашвили иус икылкааны ҳацклаԥшуеит, аиҳабыра рҭакԥхықәроуп амедицинатә цхыраара изаарԥшра, ҳара ари аус амониторинг наҳагӡоит ЕАШ аиустициа адепартамент Гиули Аласаниеи Михеил Саакашвилии қьырала иргаз алобисттә еилахәырақәеи урҭ русзуреи иазку адыррақәа аланарҵәоит Амш зеиҧшрахо 3° Ах Қaрҭ аҧшь 2° ахә 4° Авалиута акурс $ USD 2.6467 0.002 € EUR 2.8600 0.010 ₽ RUB 0.028614 0.001 £ GBP 3.3378 0.002 TOP 5 Қырҭтәыла аҧыза-министр иаҳасаб ала Иракли Кобахиӡе Бриуссельҟа раҧхьатәи ивизит иалагеит Иракли Кобахиӡе ихы аларихәоит Бриуссель иахьа имҩаԥысуа Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рассоциира ахеиалк аабатәи еилатәара Жозеп Боррель Иракли Кобахиӡе иахь - Ҳаҭыр зқәу аԥыза-министр, Бриуссель шәҭаара Қырҭтәыла европатәи амҩа хәмаррада ишалнахыз иаҳнарбоит Бриуссель имҩаԥысуеит Қырҭтәыла-Евроеидгыла ассоциациатә хеилак аилатәара Вахтанг Махароблишвили - Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рассоциира ахеиалк амш аусхәаԥштә иалоуп Евроеидгыла алалара амҩа
https://1tv.ge/lang/ab/news/adzbaratchv-imuia%D4%A5smz-iax%D1%8Cati-ailataratchv-mixeil-saakashvili-afat-aalmc-ax-atcg%D1%8Caxarei-atmlawauirat-xmx%D1%8Ccharazm/
2024-02-21T02:06:47Z
<urn:uuid:0a83d56d-f783-4221-a88a-4e8714c6c304>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.6
0.96
52
6,176
tlsh:T1B03126D17804EF0FC273D5559F914A352D926D068322B220CDD5B9B1161645EEFFCC0398FEE91E4D308F2612D262BB562A0AFCE324BDBFE7209240D42E6E34EA279476C5CD
Иракли Кобахиӡе - Абҵара 8 арадикалтә оппозициаа рзы амш цәгьан, ари азҵаара атәыла аинтересқәа ирҿагыланы ахархәара зин аӡәгьы зырымҭаз ақырҭуа жәлар иҭабуп ҳәа расҳәоит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Кобахиӡе - Абҵара 8 арадикалтә оппозициаа рзы амш цәгьан, ари азҵаара атәыла аинтер... Иҵегь аҭагалара Иракли Кобахиӡе - Абҵара 8 арадикалтә оппозициаа рзы амш цәгьан, ари азҵаара атәыла аинтересқәа ирҿагыланы ахархәара зин аӡәгьы зырымҭаз ақырҭуа жәлар иҭабуп ҳәа расҳәоит 13:27, 14.11.2023 Абҵара 8 арадикалтә оппозициаа рзы амш цәгьан. Акандидат статус иадҳәаланы ирымаз апланқәа зегьы иныҵашәкәа ицеит, – иҳәеит апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе апарламент апленартә аилатәааҿы. Кобахиӡе иажәақәа рыла, “Қырҭтәыла акандидат статус аиуразы аҳәамҭа ҟанаҵеижьҭеи, даара ихьанҭаз 20 мз цеит”, аҭыԥ рыман 12 абжьагарақәа рынагӡара асаботаж, ареволиуциа амҩала анапхгара аԥсахра аҽазкра, аха арҭ аилаҩынтрақәа зегьы иманшәаламызт. “Аоппозициаа абҵара-ԥхынҷкәын рзы аплан дуқәа рыман, аха Еврокомиссиа акандидат статус анашьаразы абжьагара аныҟанаҵа, урҭ зегьы аӡы хьшәашәа аҽырҳәа ақәырҭәеит. Қырҭтәыла акандидат статус аиуразы аҳәамҭа ҟанаҵеижьҭеи, даара ихьанҭаз 20 мз цеит”, аҭыԥ рыман 12 абжьагарақәа рынагӡара асаботаж, ареволиуциа амҩала анапхгара аԥсахра аҽазкра, аха арҭ аилаҩынтрақәа зегьы иманшәаламызт. Абҵара 8 арадикалтә оппозициаа рзы амш цәгьан, ари азҵаара атәыла аинтересқәа ирҿагыланы ахархәара зин аӡәгьы зырымҭаз ақырҭуа жәлар иҭабуп ҳәа расҳәоит,” – иҳәеит Кобахиӡе. АПОЛИТИКА İrakli Kobaxidze 4 Еиҧшу Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Иракли Кобахиӡе - Европарламент аҩныҵҟа ашәқәа ркны ирҳәо зегьы ақырҭуа жәлар еилыркаар, уи ҳажәлар дара рахь ирымоу азныҟәаразы анырра бзиа амазаауеит Иракли Кобахиӡе - Агәабзиарахьчара аминистр иҟны аимадара иазкны исҳәар сҭахуп, амедицинатә усхкы ахаҭарнакцәа агәынамӡара рыман, уи гәасҭеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿырҧштәалагьы Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Италиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад дылҧылеит Франциа аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит Иракли Кобахиӡе Швеицариатәи аконфедерациа ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит Иракли Кобахиӡе Павел Герчински диԥылеит Китаитәи ареспублика Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизадатә режим шьақәнаргылеит Иракли Кобахиӡе - Ареспубликатә хәшәтәырҭа ареорганизациа аанкылахоит, иашьашәалоу азинтә докумнт аус адулара ҳалагахьеит Амш зеиҧшрахо 10° амҽ Қaрҭ ашә 11° аҩ 14° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-kobaxidze-abcara-8-aradikalt-oppozitciaa-rzm-amsh-tcg%D1%8Can-ari-azcaara-atmla-ainteresqa-irtchvagmlanm-axarxara-zin-adzg%D1%8Cm-zmrmm/
2024-03-03T05:44:07Z
<urn:uuid:502ec0b0-e15a-490f-9470-6ca0ebc4edd3>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.61
0.95
46
6,132
tlsh:T1BB6FE6C18900DF4BC6B3C0488AA189361CD1681B8761B170CED9F4B162450A8EBFCD13E9FEF8595E60FF2961C172BF14660AACE754BDBFD7B14540A06D3E34EA2B5071869F
Аҧсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сҟынтә гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахьыҧшымра Амш. Аҧсны Аҳәынҭқарра ахә ҳаракны иашьоит аиҩызареи аҳаҭырқәҵареи рыла ишьақәгылоу аҧсуа-венесуелатәи аизыҟазаашьақәа. Агәра ганы сыҟоуп аринахысгьы наҟ-ааҟ иҳалшо зегьы шыҟаҳҵо ҳтәылақәа русеицуразы иаҧҵоу атрадициа бзиақәа рырҕәҕәаразы, рмырӡразы. Исымоу аҭагылазаашьа бзиа схы иархәаны, Шәаҳаракыра, гәахәарыла исҳәар сҭахуп ҳаҭыр дула ҳшышәзыҟоу, ишәзеиҕьасшьоит ақәҿиарақәа, аихьӡарақәа шәнапы злаку аус аҟны, Венесуела ажәлар – аҭынчреи аизҳазыҕьареи.
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2392/?print=Y
2024-02-22T19:47:02Z
<urn:uuid:d96bf168-e16a-4757-a72d-41b38ecbf2f2>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
3
1,077
tlsh:T1D276DA113AC4974FE6B3C1968F92593978A0301247A335A1DEC6A4A56641198EEFCC036AF6D50655749B21B1D1727E14A90AECD71CBEFFC7706240656C3F78DA337431C25D
Агәылара аполитикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы Еврокомиссар Оливер Варҳеи Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии иареи реиҧылара дахцәажәеит асоциалтә аҳа Twitter аҿы. Варҳеи ишиҳәаз ала, аиҧылараҿы ирылацәажәеит Еврокомиссиа аҳасабырбеи Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла иҟанаҵараны иҟоу анеҩстәи ашьаҿақәеи. «Европатәи акомиссиа Қырҭтәыла акандидат астатус анашьаразы абжьагара ҟанаҵеит. Аҳасабтәқәа рсиа еиқәыршәоуп. Ари ахықәкы анагӡаразы иаашәырҧшыз агәыҕьра анеҩстәи ашьаҿақәа рыҟаҵараҿы иҳацхраауеит», — иҩит иара. АПОЛИТИКА Евроеидгыла ҚЫРҬТӘЫЛА ოლივერ ვარჰეი 2 Еиҧшу 2022 шықәса иаҿаҳарҧшыр, Евроеидгыла атәылақәа рҿы ахыҵакырҭа иашьҭоу Қырҭтәыла атәылауаа рхыҧхьаӡара 2023 шықәсазы имаҷхеит 12%-ла Оливер Варҳеи - Ҩымз раԥхьа Қырҭтәыла аиуз акандидат статус иахьа аҳырҳага аанагахьеит Оливер Варҳеи - Евроеидгылахь амҩаҿ ҳара Қырҭтәыла адгылара наҳагӡоит Қырҭтәылеи Кореиатәи Ареспубликеи рыбжьара аекономикатә партниорра иазку аиҿцәажәара актәи араунд иалагеит Питер Сииарто - Қырҭтәыла шықәсқәа раԥхьа ақәнаган Евроеидгыла алалара World of Statistics астатистика инақәыршәаны, атуристцәа уахынла ишәарҭамкәа аныҟәара ахьрылшо атәылақәа рыбжьара, Қырҭтәыла Европа аҵакыраҿ аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит Виктор Орбан иажәақәа рыла, 2008 шықәсазы Украинеи Қырҭтәылеи Натои Евроеидгылеи ралалара алшара рыман, аха ари ашанс рхы иадырхәарц ирылымшеит Оливер Варҳеи Иракли Кобахиӡе аԥыза-министрс ишьақәырӷәӷәара идиныҳәалеит Евроеидгыла Украина ацхыраара аҳасабла 50 миллиард евро азалхра азҵаара аднакылеит Қырҭтәыла Ақыҭанхамҩа аминистрра Оливер Варҳеии Оҭар Шамугиеи реиԥылара иазку адырра аланарҵәеит Амш зеиҧшрахо 4° ашә Қaрҭ аҩ 3° Ах 5° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Ингушетиатәи ақалақь Карабулак кыаамҭалатәи бџьаршьҭыхлатәи аидыслара ашьҭахь, иршьит фҩык аибашьцәа Мака Боҷоришвили Европарламент аҿы аиԥыларақәа лыман Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, Ҟрымтәи адгьылбжьахабжьа аганахьала адронқәа рыла ажәылара мҩаԥган, урыстәылатәи аҳирхьчаратә мчқәа 38 дрон карыжьит Афермерцәа рпротест амзызла, Украинеи Польшеи рҳәааҿ иҟоу оужьҭратә пунктқәа зегьы аибаратә машьынақәа рзы аркуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/oliver-varhei-evropati-akomissia-qmr%D2%ADtmla-akandidat-astatws-anash%D1%8Carazm-abzh%D1%8Cagara-khanaceit/
2024-03-04T01:15:09Z
<urn:uuid:d48a6853-5b88-47a2-b34c-2bf308ec373f>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.61
0.97
31
4,009
tlsh:T10475CD817A04D74BC5B3D4698B508D356CD179078620B560CEEAF872570A058EFFCD13A5FAEC095B309B1612D162BF05660AECD62C7EFFD7B14200A8AE2F38E9339871C59E
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәыла аҧыза-министр иаппарат анапхгаҩы диҧылеит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәыла аҧыза-министр иаппарат анапхгаҩы ... Иҵегь аҭагалара Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәыла аҧыза-министр иаппарат анапхгаҩы диҧылеит 14:51, 28.11.2023 Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәылатәи ареспублика аҧыза-министр иаппарат анапхгаҩы Араик Ҳаруҭиуниан диҧылеит. Аиҿцәажәараан ҩ-ганктәи аусеицура иаҵанакәа азҵаарақәа ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, астратегиатә зҵаарақәа ирызку, зыҩаӡара ҳараку адиалог Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи мацара ракәымкәа, арегион зегьы хырҳагара азаанагоит. Арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара ахымҧадара ианалацәажәоз, аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла, арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара иацхрааша, иарбанзаалак аконструктивтә процесс ишадгыло. Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун 2 тәылак реиҩызаратәи реигәыларатәи еизыҟазаашьақәа. АПОЛИТИКА Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили 3 Еиҧшу Иракли Ҕарибашвили – Агәра ганы сыҟоуп ҳара аглобалтә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны алҵшәа дуқәа шҳауа, адунеитә масштабла изҩыдоу, ишәҭыкакаҷу аҧеиҧш аиқәыршәара шҳалшо Иракли Ҕарибашвили адунеитә економика алидерцәа иформалымыз ршьыбжьхьа ихы алаирхәит Иракли Ҕарибашвили аилахәыра TAQA анапхгаҩы диҧылеит Аҳәынҭқарра, зынхарҭатә ҭагылазаашьа цәгьоу 1000 ҭаацәара анхарҭа ҿыцқәа рнаҭоит Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду ргәырҕьаҵәа иаҧыларц рзеиҕьасшьоит, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаҧсадгьылгьы Анцәа илҧха ҳагымзааит, аҭынчра ҳамазааит Иракли Ҕарибашвили Хавиер Коломина диҧылеит Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ари аус ҳазықәҧон, аус аауан, атәыла анапхгареи ажәлари ари астатус ҳҽаҧсаҳтәит Иракли Ҕарибашвили Урсула фон дер Лаиен лахь - Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит, ари аӡбара Қырҭтәылеи европатәи адемократиақәа рҭаацәареи ҕәҕәала еиднаҳәалоит Иракли Ҕарибашвили Евроеидгылаҿ ахантәаҩра змоу атәыла – Испаниа аҧыза-министр иахь - Қырҭтәыла, Евроеидгыла ҳаҧхьаҟатәи алахәыла аҳасабала, Европа ашәҭыкакаҷраҿы зҵакы дуу ароль нанагӡоит Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель иахь – Ҳажәлари анапхгара ззызуа аиҳабыреи ҳазну амчыбжь азы Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит Амш зеиҧшрахо 8° ахә Қaрҭ Ас 9° амҽ 11° Авалиута акурс $ USD 2.6599 0.001 € EUR 2.8839 0.006 ₽ RUB 0.029277 0.027 £ GBP 3.3677 0.004 TOP 5 Михеил Дундуа - Акоррупциа аҟынтә ахақәиҭра аиндекс инақәыршәаны Қырҭтәыла аԥхьагылара амоуп, адунеи аҿы Қырҭтәыла иалукааша лидеруп Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Италиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит Қырҭтәыла иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа абизнес администрациазы абакалавртә ԥшьышықәсатәи программа, хышықәсатәи программала ирԥсахыр рылшоит Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла европарламентарцәа рцәахыхратә ҳәамҭақәа рыдгылара мап аҵәнакыроуп, ари аҟаҵаразы аамҭа ааит
https://1tv.ge/lang/ab/news/qmr%D2%ADtmla-aphmza-ministr-irakli-gharibashvili-shamax%D1%8Ctmla-aphmza-ministr-iapparat-anapxgauim-diphmleit/
2024-03-01T11:27:39Z
<urn:uuid:9d1d6c39-e9e0-46b7-80c6-0b292a4d2a27>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.61
0.96
49
5,778
tlsh:T157305EC1AB08DB07D6B7C159CEA18A357DC23A4B87617260CEC6B97067861A8FFFCC13A8B9E81A5BB09B1552C1627F002649ECEB58BEFBD7B11600A45D3F34D9379472829D
Иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы аԥқьаҭымпыла аҿиара атәы еилышәкаар шәылшоит Асида Кәыҵниаԥҳа лрепортаж аҟны. 15.04.2016, Sputnik Аҧсны 2016-04-15T12:07+0300 2016-04-15T12:07+0300 2016-04-15T12:07+0300 https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101786/13/1017861326_0:26:5093:2906_1920x0_80_0_0_56378bac3edfb64dc94c650e43bbe36b.jpg Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 2016 Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Ажәабжьқәа ab_AB Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 1920 1080 true 1920 1440 true https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101786/13/1017861326_0:0:5093:3200_1920x0_80_0_0_e5583efe6ffc243ec40b6528fcea0ac1.jpg 1920 1920 true Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Sputnik Аҧсны ажәабжьқәа, аԥсны ажәабжьқәа, аԥсны Амқьаҭмпыли аԥареи: ампылмҳаԥ кноуп амқьаҭмпыл ду ашҟа сышнеиз 12:07 15.04.2016 © Sputnik / Томас ТхайцукАмқьаҭмпыл асразы ашкол Аҟәа. © Sputnik / Томас Тхайцук Анапаҵаҩра Иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы аԥқьаҭымпыла аҿиара атәы еилышәкаар шәылшоит Асида Кәыҵниаԥҳа лрепортаж аҟны. Раԥхьатәи ампылмҳаԥ "Аибашьра ашьҭахь аԥқьаҭмпыл азы иаҭахны иҟоу аксессуарқәа рыԥшаара акыр иуадаҩын. Саб, иидыруаз џьоукы рыцхыраарала исзиԥшааит раԥхьатәи ампылмҳаԥ, ҳәа лажәабжь далагоит аԥқьаҭ азы аспорт азҟаза Елизабет Акәыциа. Иара акыр идуун сара сзы, акапангьы маҷмызт. Саб даалаган ахәҵәы иркьаҿит. Иара убри ампылмҳаԥ кноуп амқьаҭмпыл ду ашҟа сышнеиз". Олег Лакрба: анапылампыл аиааиратә доуҳа ацуп 14 Мшаԥы 2016, 15:52 Елизабет Акәыциа Аԥсны амқьаҭмпыл ахыҵхырҭаҟны игылаз дреиуоуп. Жәашықәса рыҩныҵҟа Аԥсны абираҟ даҵагыланы ахәмаррақәа мҩаԥылгон, аиааирақәа лгон. "Аибашьраан сани сареи Гәдоуҭа ҳаҟан. Гәдоуҭа иаларыжьыз абомбақәа ԥшьба рҟынтәи руак ҳашҭа иҭаҳаит. Уи аԥҽыха снапы иаахеит. Снапы смыхәо сҟалеит. Сҭаацәа ирылшоз зегь ҟарҵон снапы адақәа мҩарц. Амузыкахь сныҟәон, аха иазымхошәа анырба аԥқьаҭмпыл ахь аныҟәара саладыргеит снапы аус ауларцы", ҳәа еиҭалҳәоит Акәыциа. Раԥхьатәи атурнирқәа Раԥхьатәи ареспубликатә турнир мҩаԥысит 1995 шықәса рзы. Аҟәеи, Гагреи, Гәдоуҭеи рыԥқьаҭмпылтә школқәа алахәын, ҳәа еиҭеиҳәоит аԥқьаҭмпыл азы афедерациа аиҳабы Ҭамаз Абӷаџьаа. © Sputnik / Томас ТхайцукШкола тенниса в Сухуме. Школа тенниса в Сухуме. © Sputnik / Томас Тхайцук "Аибашьрашьҭахьтәи аамҭа уадаҩқәа ирыхьмырԥшыкәа Владислав Арӡынба ԥхьаҟатәи аамҭахь дыԥшуан. Иара иоуп изыӡбаз аҿар рыбжьара аспортхкқәа реиҭашьақәыргылара", — иҳәоит Ҭамаз. 1998 шықәса рзы Маиҟәаԥ ақалақь аҟны имҩаԥысуаз аицлабрақәа ирылахәын Аԥснытәи аспортсменцәа. Урҭ рыгәҭа дыҟан Елизабет Акәыциагьы. "Ҳара ҳзы арҭ атәыла анҭыҵтәи аицлабрақәа раԥхьатәиқәан. Атурнир акыр иуадаҩын. 4-4 сааҭ ицон ахәмарра. Сара афинал ахь снеиит. Ари раԥхьатәи иааиран сара сзы. Сара аспорт ахь снеиит сгәабзиара шьақәсыргыларц, аха ари аиааира ашьҭахь уа сагьаанхеит", — еиҭалҳәоит Елизабет. Ԥарала иузаамхәо Ҭамаз Абӷаџьаа иажәақәа рыла ахәмарыҩцәа рҟазареи рҟыбаҩи иахьмырԥшыкәа иҟалоит аԥара иадҳәалоу аҭагылазаашьақәа. Ҳара ҳхәыҷқәа аҟыбаҩ ҷыда рылоуп, аха аҽазыҟаҵара, џьара ацара уҳәа аԥара маҷымкәа ирҭахуп. Уи ҳәарада анырра инаҭоит дарбанызаалак. Аспортсменка лыҿиара даара ихәҭа алеигалеит лаб. Иара иԥшаауан аспонсорцәа, аԥара. Аха зегь раасҭа иуадаҩыз Аԥсны ахьӡала ақәгылара акәын. "Жәларбжьаратәи атурнирқәа рҟны ҳтәыла ахьӡала ақәгылараз ҳақәԥон. Адунеи аҟны Аԥсны Қырҭтәыла иахәҭакны ирыԥхьаӡоит. Саб илшоз ҟаиҵон усеиԥш иаҳмыхәаԥшларц азы", — лҳәоит Елизабет. Лара лажәақәа рыла ирацәаҩын лыцхыраара зҭахны иҟаз ауаа. "2003 шықәса рзы Анкара атурнир салахәын. Уаҟа машәырны дсықәшәеит Бедис Кәарацхьелиаԥҳа. Уи сшаԥснытәыз анеилылкаа лыҩныҟа сылгеит. Ԥшьымз лара лҟны сыҟан. Сахьцалак дсыцын", ҳәа лгәалалыршәоит аспортсменка. Аԥсны аԥқьаҭмпыл аԥеиԥш Аспортсмен икариера нҵәоит аҽазыҟаҵарқәеи атурнирқәа рылахәреи дырҟәаҵыр. Ус акәхеит Елизабет лҭагылазаашьаҟынгьы. Афинанстә уадаҩрақәа аԥыжәара ргеит. "Адауаԥшьқәа" рыхәмарра 13 Мшаԥы 2016, 14:12 Иахьа лара ахәыҷқәа азыҟалҵоит. Ипроблеманы иҟоу иарку акортқәа рыҟамзаароуп лҳәоит лара. Аԥсны аҳауа иалнаршоит ашықәс аҩныҵҟа 8-мзы аҽазыҟаҵара, ҳәа ишьоит азыҟаҵаҩ Саид Бебиа. "Аԥқьаҭмпыл ҳаҭыр аман иҟалеит. Аспортсменцәа ракәзар алшарақәа рымоуп. 500-ҩык рҟынӡа иахьа ари аспортхкы иалоуп. Урҭ еизҳаларц азы иаҭахуп акортқәа, аспорттә залқәа. Иара ахкы ахә дууп. Аҳәынҭқарра адгылара ҟанаҵароуп", — иҳәоит аспортсмен. Иахьазы Гагра есышықәса имҩаԥысуеит жәларбжьаратәи атурнирқәа хԥа. "Ишахәҭоу еиԥш амқьаҭтә база аԥҵара алшар егьырҭ атәылақәа рҟынтәи акомандақәагьы ҳара ҳахь иаалон. Ҳаспортсменцәагьы ироуан аҽазыҟаҵарақәа рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа", — иҳәеит Бебиа. © Sputnik / Томас ТхайцукШкола тенниса в Сухуме. Школа тенниса в Сухуме. © Sputnik / Томас Тхайцук Уажәазы аҳәынҭқарра абри аспорт хкы аҿиара иалахәны иҟам. Аспортсменцәа ҿарацәа рзы аныхрақәа зегьы зыбӷа иқәу аҭаацәа роуп. Аԥсны иалшоит аԥеиԥш бзиа аиурц абри аспорт аганахьала, аха уи азы адгылара ду аҭахуп ҳәа иԥхьаӡоит азыҟаҵаҩ.
https://sputnik-abkhazia.info/20160415/1017930960.html
2024-03-04T23:48:26Z
<urn:uuid:6e91d982-f21c-47fe-a770-51ff773ef1b2>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.86
0.66
0.9
50
8,654
tlsh:T1F057B9029D00CF8BC673C0598FC18A3568D0590202237B71CEDAF4791605069EBFCC23EAFAE8069AA89F1562E151AB145A0EFCE618BDBBE771C251E43C2F38DD27A475D59F
Европейский Союз в действии: работая на благо более безопасной Европы и более стабильного мира (субтитры на абхазском) Один день из жизни наблюдателя (субтитры на абхазском языке) Аимадара English / ქართული / Русский / Ирон / Аҧсуа / հայերեն / Azərbaycan / Ихадоу Ҳара иҳазкны Амандат Амандат Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом.
https://eumm.eu/ab/about_eumm/mandate/
2024-02-26T07:05:56Z
<urn:uuid:5fbc8854-9744-4295-83b4-31eff3d03127>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.8
0.64
0.97
14
2,519
tlsh:T1F008EC515584CB4BC1B3D4A9CA814F346CE2695382117671DD8EB8B21185059EFFCC139ABEE8011BB0EB1911D222BF00690AECDA687DBBE7B04210B16E3E39D9235576C56E
Абри амш аҽны ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит 30 шықәса раԥхьа зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аԥҵаразы азин ашьақәырӷәӷәара зылшаз аԥсуа жәлар рфырхаҵара. Иахьа Аԥсны хьаҳәа-ԥаҳәарада ҳаамҭазтәи адемократиатә уаажәларра аԥҵара амҩа иануп. Гәахәарала иазгәасҭарц сҭахуп ҩ-ганктәи ҳусеицура еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла. Аидгыларатәи астратегиатәи усеицуреи хра злоу аҵас бзиақәеи шьаҭас иаҭаны Урыстәыла аԥхьаҟагьы аиашьаратә республика Аԥсны ашәарҭадареи аҿиареи ралыршараҟны ацхыраара ҟанаҵалоит. Аслан Гьаргь-иԥа, гәыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҳәынҭқарратә усураҟны аихьӡарақәа, Аԥсны жәлар зегьы – аҭынчра, аизҳазыӷьара. Ҳаҭырла, Дмитри Медведев". Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15966/
2024-02-29T08:09:15Z
<urn:uuid:12c602e6-4a97-4de9-ad82-b3f6071a8f9c>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.82
0.85
0.95
13
2,048
tlsh:T104601A414A80978BD2B3C05ACB815A347CD1284243327664CECDF5B61582148EBBCD03E6FBE5154B74E71221D462BE15A94EFDDA24BE6AC3309341D12D2F78DC33A475C1AE
Аԥсны Ахада 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи 31 шықәса аҵра инамаданы Ааԥхьара ҟаиҵеит 11.08.2023 Ахада Пицунда ақалақь амш аҽны адныҳәалара ҟаиҵеит 08.08.2023 Аслан Бжьаниа Қырҭтәыла аганахь ала иҟаҵаз агрессиа 15 ш.ахыҵра инамаданы Алада-Уаҧстәыла адгылара аиҭеит
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/13735?print=Y&PAGEN_1=6
2024-02-29T09:01:31Z
<urn:uuid:961a8f71-a6c8-4761-b8b9-e8cae6428250>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
0.6
1
5
507
tlsh:T1424D2BF0E9008F0BC5F7C466DF91597A6C8048D30570BB10CE57E5F50743548DBFCA53587E80056734AF6612D566BB40B44DBDF610BEBBCE704914692D3F189C2B0034956E
Европейский Союз в действии: работая на благо более безопасной Европы и более стабильного мира (субтитры на абхазском) Один день из жизни наблюдателя (субтитры на абхазском языке) Аимадара English / ქართული / Русский / Ирон / Аҧсуа / հայերեն / Azərbaycan / Ихадоу Ҳара иҳазкны Амандат Амандат Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом.
https://eumm.eu/ab/about_eumm/mandate
2024-02-27T22:14:01Z
<urn:uuid:cca6714d-dc23-4e68-adf8-c37517b0ec1d>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.8
0.64
0.97
14
2,519
tlsh:T1F008EC515584CB4BC1B3D4A9CA814F346CE2695382117671DD8EB8B21185059EFFCC139ABEE8011BB0EB1911D222BF00690AECDA687DBBE7B04210B16E3E39D9235576C56E
Иракли Кобахиӡе - Иарбанзаалак ҳәынҭқаррак ҳара ҳҿы имҩаҧысуа алхрақәа аҽаланагалар ҟалом, ари ааҧхьара аҳәынҭқаррақәа зегьы ирызкуп, аҽалагалара ашәарҭара ҟалар, аганқәа зегьы аинформациа раҳҭоит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Кобахиӡе - Иарбанзаалак ҳәынҭқаррак ҳара ҳҿы имҩаҧысуа алхрақәа аҽаланагалар ҟалом... Иҵегь аҭагалара Иракли Кобахиӡе - Иарбанзаалак ҳәынҭқаррак ҳара ҳҿы имҩаҧысуа алхрақәа аҽаланагалар ҟалом, ари ааҧхьара аҳәынҭқаррақәа зегьы ирызкуп, аҽалагалара ашәарҭара ҟалар, аганқәа зегьы аинформациа раҳҭоит 15:02, 24.10.2023 «Иарбанзаалак ҳәынҭқаррак ҳара ҳҿы имҩаҧысуа алхрақәа аҽаланагалар ҟалом, ари ааҧхьара аҳәынҭқаррақәа зегьы ирызкуп», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе. Кобахиӡе азҵаара ирҭеит: «Америкатә аҧшыхәара еиуеиҧшым атәылақәа рҿы имҩаҧысуа алхрақәа рҿы Урыстәыла аҽалагалара проблемас ирыҧхьаӡоит. 100 аҳәынҭқаррақәа, урҭ рыгәҭа, ҳтәылагьы, Аҩны шкәакәа аҟынтә аинформациа роухьеит. Апревенциеи, иара убас, аҧшыхәаҩцәа раарҧшреи азы иахәҭоу ашьаҿақәа рыҟаҵара шәгәы иҭоума?». Ираклия Кобахиӡе ишиҳәаз ала, алхрақәа рахь аҽалагалара ашәарҭара ҟалар, аганқәа зегьы аинформациа рырҭоит. «Ҧасатәи апарламенттә алахрақәа раан абыжьқәа рҧаршеира уҳәа, ахҭыс цәгьақәа шыҟалаз шәгәалашәоит. Ҳәарада, уи ииашам. Егьырҭ атәылақәа рҿы алхрақәа шымҩаҧысуа гәашәҭароуп, аха, ишыҟазаалакгьы, даҽа тәылак аҿы алхрақәа рҽалагалара ҟалом. Аҽалагарала ашәарҭара ҟалар, аганқәа зегьы аинформациа раҳҭоит. Ҳаргьы уи ҳазҿлымҳауп», — иҳәеит Кобахиӡе. АПОЛИТИКА «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе 3 Еиҧшу Иракли Кобахиӡе - Ҳәарада, ҳара апарламенттә алхрақәа рҿы аиааира ҳгоит, апарламентаҿ аиҳара ҕәҕәа ҳамазаауеит Иракли Кобахиӡе – Европатәи ҳпартниорцәа рҟынтә иҳамоу аинформациа ала, ҳаҧхьаҟа ҧхынҷкәын азы, Еврокомиссиеи Европатәи ахеилаки Қырҭтәылазы аиҿцәажәарақәа раартра азҵаара иахәаҧшраны иҟоуп Иракли Кобахиӡе - Ҳара аҽырдадара ҳгәы иҭам, аҵыхәтәантәи ҳхықәкы – Евроеидгыла алалароуп, ари ахықәкы анагӡаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит Иракли Кобахиӡе – Ауаҩы аобиективтә критериқәа рыла аҭагылазаашьа дахәаҧшыр, акандидат астатус Қырҭтәыла иатәуп Иракли Кобахиӡе – Қырҭтәыла азҵаареи Украина иадҳәалоу аиҿцәажәарақәеи реидҳәалара ҟалом, Қырҭтәыла ҧхынҷкәын 14-15 рзы акандидат астатус аиуроуп Иракли Кобахиӡе – Венгриа аиҳабыреи анапхгаратә партиеи Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алалара ҕәҕәала иадгылоит Иракли Кобахиӡе – Украина анапхгара ҧасатәи ма уажәтәи ачынуаа Мраҭашәара гәыбҕан аҭара рыхәҭам ҳәа сгәы иаанагоит Иракли Кобахиӡе – «Амилаҭтә ҵысра» шаҟа имаҷны анаӡынақәа аиуа аҟара, атәылаҿы адемократиа иазеиҕьхоит Иракли Кобахиӡе - Аколлективтә «Амилаҭтә ҵысра» иалоуп апартиақәа «Амилаҭтә ҵысреи», «Лелои», «Гирчии», «Гахариеи», дара ирзеиҧшу шьаҭак рымоуп, абизнесментцәа цәдырҳәуан, урҭ ракзаара уамашәа иубаратәы иҟам Иракли Кобахиӡе – Акандидат астатус иадҳәаланы агәыҕра ду ҳамоуп Амш зеиҧшрахо 6° Ах Қaрҭ аҧшь 10° ахә 10° Авалиута акурс $ USD 2.6562 0.004 € EUR 2.8820 0.006 ₽ RUB 0.028893 0.017 £ GBP 3.3686 0.006 TOP 5 Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ишаанацҳаз ала Қырҭтәыла, Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәрақәа рҿы ахатә ҽазышәарақәа нанагӡоит, иашьҭанеиуа араунд азы аҽазыҟаҵара нанагӡоит Испаниа аԥыза-министр Илиа Ҭоԥуриа диԥылеит Робин Данниган – Америка еиҧш абас ҕәҕәала Қырҭтәыла иадгыло даҽа тәылак иҟам Павел Герчински - Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа Евроеидгылеи Қырҭтәылеи ирзеиԥшу ахәынаӡарақәа реиқәыршәараҿы ахадаратә роль нарыгӡоит
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-kobaxidze-iarbanzaalak-hmn%D2%ADqarrak-hara-htchvm-imuiaphmswa-alxraqa-achvalanagalar-khalom-ari-aaphx%D1%8Cara-ahmn%D2%ADqarraqa-zeg%D1%8Cm-irmzkwp/
2024-02-28T08:42:41Z
<urn:uuid:acbbad1e-ce1f-45c0-b365-5dcc9c9b136d>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.6
0.95
50
6,578
tlsh:T10C03BAD16B40DB9BDAB3C499D6918A357CD06517836571608EC8B8712695078EBBCC03ADBEE8694E749F1412E136BF155209ECEB683DBBD7A04280B05D3F78DE37A432C5DE
Аҧсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса ҵит. Аиубилеи инамаданы, агазеҭ «Аҧсны» 105 шықәса ахыҵра азгәаҭахоит. Иаҧҵоуп аҳәынҭқарратә комиссиа. Астатиақәа Ахатәы бызшәа амш Жәабран 21, 2024 Машәыршақә акәымзар ҟалап Аԥсны жәлар рпоет ду, аԥсуа бызшәа абду, сынтәа диижьҭеи 150 шықәса ахыҵра азгәаҳҭо Дырмит Гәлиа имшира жәабранмза 21 иахьақәшәаз. Астатиақәа «Ишьаарҵәырахаз ачара» аԥсуа сценаҿы Жәабран 20, 2024 Ааигәа, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны ахәаԥшцәа идырбан аиспан поет, адраматург Федерико Гарсиа Лорка ипиеса иалхыз «Ишьаарҵәырахаз ачара». Уи ахәаԥшцәа даара ибзианы иахьрыдыркылаз аҟнытә, ҩаԥхьа аиҭарбара еиҿкаан. Астатиақәа Алаҵа бзиа ԥсеиқәырхагоуп Жәабран 20, 2024 Аамҭа бзиа ҳананыз ахәыҷқәа, ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәра иаҵанакуаз рҭаацәа гәыҩбарада иазнеиуан алаҵа аҟаҵара. Асовет аамҭаз иҳадыргалоз алаҵа агәрагара, ахаҭабзиара еиҳазма? – абарҭ азҵаарақәа рышҟа ухьанарԥшуеит, абри аганахьала иахьатәи ҳҭагылазаашьа. Астатиақәа Аҟазара ахы ӡырнагоит Жәабран 19, 2024 Ашәаҳәаҩ иага абжьы ссир ихазаргьы, абаҩхатәра илазаргьы, инаигӡо ашәа злыху ажәақәа рҵакы угәаҵанӡа имнеир, иаҵоу, изырҧшӡо амузыка хаамхар, ианымаалар, ҳәарада, ибаҩхатәра ҧсыҽхоит. Убри азы, ашәаҳәаҩ ибаҩхатәра аӡыргаразы, анагӡараан аҭыҧ ҷыда ааныркылоит амузыкатә рҿиамҭақәа аҧызҵо акомпозиторцәа. Астатиақәа Изхароу ауаа ҳауп Жәабран 16, 2024 Иаҳаҩсыз амшқәа рзы Аҧсны араионқәа иахьрыҵаркуа акырџьара абнақәа амца ркит ҳәа ажәабжь ааҩит. Аҭагылазаашьа хылаҧшра арҭоит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа. Астатиақәа С.У.Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра азгәаҭаразы Жәабран 16, 2024 Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, Аԥсны Аҩбатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден І аҩаӡара занашьоу Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Астатиақәа Аусеицура аҳәаақәа Жәабран 16, 2024 Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аԥснымедиеи» «Евразийская медиа группа» ҳәа изышьҭоу Акционертә Еилазаареи рыбжьара аусеицуразы Амеморандум анапаҵаҩра мҩаԥысит Москва ақалақь, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы. Амеморандум рнапы аҵарҩит Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аԥснымедиа» аиҳабы Роберт Џьопуеи Акционертә Еилазаара «Евразийская медиа группа» аиҳабы Сергеи Деменскии. Агазеҭ "Аԥсны" 9-10 2024 Жәабран 15, 2024 Астатиақәа Аиааира мгакәа даанымгылеит Жәабран 15, 2024 Аԥснытәи аспортсмен Харитон Агрба Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысыз абокс азы атурнир RCC Boxing Promotions аҿы атехникатә нокаут ала Шәачатәи аспортсмен Ваге Сураханиан дииааит.
https://gazeta-apsny.info/itemlist/user/806-aslan?start=10
2024-02-24T17:01:04Z
<urn:uuid:192994b8-2bd7-4f7a-b9f7-b748a25190ef>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.96
0.98
26
4,801
tlsh:T17C7B9EA15800CB87C6B3C049CAC15D345CD128524722B230CEC6F471255609DEBFCE23EEFAE8564AB4DF0621C191AF14990AECED69BEBFD7318610A5392F25DE275136E5AE