text
stringlengths
0
400
Насгьы имашьына абырбалқәа ӷьычны изгоз, изцәиҵәахыз ихаҭа-ԥсаҭа иаԥхьа дгылазшәа дааҟалеит.
Иааркьаҿны, иахьахәҭоу иҩтәуп.
Аҭыԥ ахьдыргылази, арақәа ахьгылази шьаҟьасҭаны иҟоуп, нас аҵыхәаны Дәаб аӡы леиуеит.
Ахацәа заа игәарло иалагеит ашьапылампыл иахәаԥшырц ма ахокеи.
Нас сзыхирҟьазеи?!
Уи ишьапы рҳәазаны амашьына инҭеигалан, Ардасан, аԥсҟы ырҵәиуа, имашьына аақәиргьежьын, агәарбжьара дныбжьалеит.
Аха саб анс акәадыр уиҭахуа дыҟамызт!
Миха дцәаӷәоит.
Ҳаи, дад Таҳир, сара абахҭа иҭабаахьоу, исоуҳәақәо зегьы сгәы иахәагәышьоит, аха ахаҵара сылшом.
Иуа Қоӷониа иԥсра гәала дус иҟазҵаз ашәҟәыҩҩцәа иақәкны ирыман хаз шәҟәык ихьӡала иҭрыжьырц.
Ишуҳәара, абри ҳазҭоу адәыӷба ҳахьаго ҳәа угәы иаанагозеи?
Сара исгәалашәоны, знызаҵәык дцахьан қәылара.
Сиазҵааит, ҽԥныҳәак ныҟаҵашәа, арахь сԥышәырччоит, иара сибаӡом акәымзар.
Амала, ииҳәаз бдыруоу?
Ҽакала иуҳәозар, иқәҟаара шәалагоит, инапы-ишьапы иҟьарц, аҵла рдацқәеи, аҵиаақәеи дрымҵасны ииулакгьы аҟәарахьы деихарц
Уиазы угәы иалымсын!
Егьирахь, аҩыцқьа хә-ҵәыцак шысԥырхагам, уи аҳақьым гәазавагьы иҳәеит!
Абаикот уқәҟарҵама, џьым?
Амра адиԥсар ҿыхуа аҭаҭынырҭа даҵан.
Абрагьра иазкыз аԥраӷба, ахы иацәшәон, инцәыҵагыла-аацәыҵагыло амшын ихын.
Аӡӷаб убасҟан еиԥш илгәаԥханы дыччо, ԥхыӡынгьы лабҿабангьы имбацызт аҷкәын.
Уи аабоит аҿарацәа ракәым, иреиҳаугьы аиҳабацәа хызхуа, ргәы зырхыҭ-хыҭуа асекстә романқәа рҿы.
Назыр азныказы рыхәҵәы нымҵәеит, ирцәамыҩрыма, ирыҵалазеи ааигәахәт.
Ара аимакаиҿакра иаҭыԥым!
Ҳәара аҭахым, араҟа аҭыԥ амоуп ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рырҿиашьа-раԥҵашьа аҟазшьала еиҿкаау иоригиналу асахьаркыратә ҩымҭа аԥҵара
Ашәарыцареи ашәарҭареи еицын.
Ирацәазаргь сусқәа-сҳәысқәа, шьҭа сааԥсеит ҳәагьы сызҳәашам.
Сҿы исзарҳәом сгәы иҭоу.
Ус акәхап, аха урҭ хацәа бзиоуп
Шәырҵаҩцәа хымԥада ныҟәара ҳәа абрахь шәааргон, аха урҭгьы шәара шәеиԥш ауп ишырааӡаз.
Самсон уҿырпын ашәа аурҳәароуп
Хьаҟәшәан аамҭа, хәыҷгьы-дугьы зшьапы инанаго зегьы аднаԥхьалоит.
Ишҵыхәтәантәи ажәақәаз лдырызшәа дишьҭаланы днаскьеит.
Сӷьаҵәыӷьаҵәуеит сара, макьана иҟоуп ахаҵареи агәымшәареи, агәаӷьреи ауаҩышәареи, аламыси агәаԥхеибашьареи макьана ауаатәыҩса рда иалагылоуп, иԥснырхаганы, агәахәуа ԥагьа ишьа.
Аныҟәара иаршыз ихы-иҿы ахьҭа иархьшәашәон.
Ҳдәылҵит ҿаҳҭит, анахь, арахь
Адырхаҽны аҟәдырԥаҩ лҟәыд цырақәа реиԥш ишаны хан-ханы инықәсҵеит иагьызбеит уи ажәа аҿахәы шаҳәоз, ихьӡызтәызгьы башамала хьарԥшгас ишихьӡимтәыз.
Игәашәҭи агәарԥ ианааҭало.
Лусура дамаҳхыр, днарылаланы зегьы ираҳартә иныҟалҵоит.
Ԥыҭраамҭак хар ҳамаӡамкәа ҳшааиуаз, аколнхарақәа ҟаҳҵар зынӡа шәкьаҭоит ҳәа ҳхы дынҭалан, амыждара ҳзыҟеиҵеит, ҳамгәахә ҳзаамрыхуа, ҳцақәа ҭацәны аҳәынаԥқәа ҭахәмаруа, ҳажәҭрақәа ԥшь-шьапык зҵоу ҭагылаӡамкәа иҭыкка иаанхеит.
Ҳара ҳада ҽаӡәы иоуран, иҟам ус ахшара.
Уажәраанӡа аҷкәын иҵара далгаанӡа ма аколнхара еиурыжьп, ма иахьатәи анапхгара рԥсахып ҳәа згәы иҭаччоз аб, уажә маӡа деигәырӷьон, иҵара даналгалак ақыҭаҿ аус имур ахьыҟамлоз.
Ушәҟә ҿыц иҭыҵыз, аԥхьаҩ иоуз аабатәи ушәҟәы Адгьыл амҵәыжәҩақәа ушԥазыҟоу, ишԥауныруеи, иуҵанаҳәозеи?
Реишьҭагылашьа злаҟоу ала, абазгаа рнаҩс иахьатәи Аҷара атерриториа аанызкылоз аԥсилаа ракәхон.
Сшьапы, сара, сшыҟоу шәымдыруеи?
Ибзиоуп, иасҳәап, дцеит дышьқьыруа.
Уи агәыӷра ҳзаазгах ҳтысхеит.
Иахьахәлаанӡа аҩны дшыҩнагьежьуаз, рхәы-рыԥхь, рымаҭәа-рҩыҭәа, ауҭра-сыҭра абарҭ зегьы дшырҿыз ахәыцхагьы лоуамызт.
Абарҭқәа зегьы ҟазҵо аизааигәара, агәеизыбылра ауп.
Излабҳәо ала, абааԥсы аӡәы симгакәа сшынхаз шәымбаӡои, ахацәа шәабаҟоу ҳәа ишакәхалак аӡәы схы идысгәалар акәхеит, бара бтәала
Насгьы иҟоума афольклортә реализм ҳәа алитературатә метод?
Ауасҭацәа аап, аха акыр ӡбаны иумоу, иабаургыло, ишԥаургыло?
Сылаԥш нақәшәеит, имашьхәылҵ ҭашәашәаӡа, ажьқәа еидкыла-еид кыла, иҿаҿаӡа ашәахсҭа анын.
Жәыки, цәҵыски, ҳәыски ракәын ирымаз.
Заџьал ааны зыԥсҭазара иалҵыз изоуп дыԥсит ззырҳәо, аибашьраҿы ахы иагаз дҭахеит ҳәоуп ишырҳәо.
Аӷу ааилдыргеит ҳасасцәа.
Зегьы иџьаршьоит уи злагыло, ахаҳә дацла еиҟәрҷҷо, иаҳа-иаҳа ирҵауло, иалнацәцәаауеит уи злачо!
Сгәы касыжьӡом.
Ҳара ҳтәқәа реиԥш, уахь шаҟаҩы аҩнра ицахьоу здыруада?
Ох, абольшевикцәа ҳҭарцалоит адамра!
Усымаҳәхарц акәмызт изыҟасҵоз.
Ирҿиара ахаҭаҿы аиԥшҵәҟьа иахьа уажәраанӡагьы ихатә ԥсҭазаараҿы хаҵаҵас ихы амҩаԥгара даҿуп.
Насгьы Иналԥҳа Наалеи Асмаа Аслани аҿы еибырымҳәацызт, мацара аҿара иахылҵыз абзиабара еиқәнаргәыӷуан акәымзар.
Зулита, лара ус дызҭахыз ари адунеи уаҩ дахьылзықәымыз аахьааганы.
Уи ихьӡ акамыршәразы инышәынҭра ахьыҟаз ҳаԥхьаҟа ибаҟа шыргылахо азы ахаҳә шьҭаҵазар ахәҭоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит.
Ҽнак ҳахьтәаз дааиуеит Гагрантәи хаҵак, абра сыԥсы сшьар ҟалома ҳәа.
Иахьа ауатка сиржәырц ааицҳан телефонла, аха мап скит.
Абри азҵаара акрааҵуан аӡбара аҭахижьҭеи, Мрагыларахьтәи адҵаҟаҵаҩцәа рыштаб аусзуҩцәа рлымҳаҟынӡагьы инаргахьан.
Шьоукгьы агәы ашәа цасҳәа ирыблаҟьон, абас акәхап ашьыцраҵәҟьагьы шиуа.
Ианбыкәыз Аԥсны ихьыԥшым, зых иақәиҭу ҳәынҭқарроуп ҳәа анрыларҳәахьаз
Уажә дыҟазҭгьы, ҳакны ҳаифон.
Ирод уаҩы-цәиккык иакәын, длахәыц-ҩахәыцын
Ари ашьҭахь акыр аамҭа бжьыст, Аџьымшьхьиа иԥҳәысгьы лхаҵа дылхашҭит, лхәыҷқәа духеит егьит.
Гәыкԥсыкала маҵуҩыс иузыҟоу иудигало агәра га, дагьуашьапкуеит иҳәатәы хауҵарц!
Иахьатәи ашәҟәыҩҩы ихаимыршҭуазароуп ҳарҵаҩ ду Ленин акьыԥхь азы ииҩыз.
Амза ҭәымҭоуп, аеҵә ажәҩан иаҿаԥсоуп, аҵәа ҟәазқәа узлааиуа амҩала икаԥсоуп
Абра исзыманшәалашәа сгылоуп.
Еибаргәаҟуа, иӡышо иԥшымыз, рыԥсқәа ааивыргеит, ҵаны.
Уажәшьҭарнахыс, ақалақьтәии араионтәии Еизарақәа ахантәаҩы иалхразы аӡбара анидикыло, Аҳәынҭқарра Ахада Аизара агәаанагара дақәныҟәар ахәҭоуп, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба.
Анхаразы иҭыԥ мшуп ҳәа иаб иахьалихыз адгьыл, иахьынӡаҭыԥ мшыз ҳәа акгьы изадымбалацызт, наҟ еиҳагьы еицәамхазар, хшарала еиҵаҩҩы иаб ишьҭамҭа зымӷьацеит.
Дыҳәҳәан, иҟама длахеит Иақәыԥ иҷкәын.
Сара абас ауп адехәҭарцәа исарҳәахьеит абаақәа, анышә сашәымҭан, нас сыԥсы ҭалоит, ҳәа реиҳәан, жәаа мыш ракәу дыԥсны дыкҿан.
Аӡҭалара данарааԥсацәа, игәы архынҳәызшәа, аҽыкәабара ицәымӷын.
Аҩны инеип, аха ишԥанеиуеи?
Нас инаганы дзыдтәалалоз астол инықәиргылеит, арахь, иара иахь дааԥшуа.
Дунеихаан ачландарцәа шәырԥырхагамхан, ҳа иҳәот, иҳәит.
Арашәара иалагеит.
Ажәытә, аԥсуаа ихәыз ауаҩы изы ахәрашәа рҳәон.
Раанкылара зылшауадаз Ахҵәара згәаӷьыз, Ишлахьынҵадаз гәазҭауадаз, Гәырҩацәгьала иҭәыз?
Васили ихгьы дымҩахеит, иҿгьы еихимхит.
Изакәызеи, нас агәараҳәа зыбжьы газ?
Аԥсуаа рыԥсадгьыл ишазыҟоу, уи ада ишхәарҭам атәы ауп апоет иажәеинраала кьаҿ философиатә ҵакыс иамоу, идеиа хадас иагәылсуа.
Ҵабыргны анкьа издыруаз ыҟамкәа иҟаларымызт, аха шәышқәсала аамҭа злацахьоу ала иахьатәи абиԥара ҽеишәа еилырганы ирыздыруам, иахьатәиала ирдыруа ҳәа еилкаахыз Быҭәба Иаҳиа дмуллахарц аниҭахха, ашьҭахь Шьамтәыла дцаны ақалақь Дамаск еиҳау аԥсылманратә школ дшалгаз ауп.
Ҳԥа еиҳабы Алхас абџьар шьҭихратә дыҟан, дцоит афронт ахь, егьырҭ хәыҷқәан.
Уи Митридат диԥсахит.
Ахԥатәи абаталион актәи абригада Гәымсҭатәи афронт комиссарс дыҟан Хәыма Оҭырба.
Иарбан хьымӡӷу имоу, ачеиџьыка зҿаҵаны зыҩнаҭа ауаҩы дызшьуа.
Анс иҳәит, арс иҳәит, аха даҿахит дызладыриашо ыҟамзт.
Иҵегьгьы ԥхьаҟа анаскьагара азин ҟаимҵеит еидырҵаз абаталион акомандауаҩ Иасыф Арҩҭаа.
Ишҟа шьҭа имҩахыҵуам, дҽыжәлозаргь, иажәра ихьӡеит.