text
stringlengths
0
400
Ҳаргьы ҳрызцоит анемец-фашисттә мҵарсҩцәа рҟнытә рхы иақәиҭхеижьҭеи ҩажәа шықәсхыҵра азгәазҭауа ареспубликақәа.
Уа уаҩы даҳԥырхагахом, дымццакӡакәа уахь дныҩналеит.
Акәыба дҭоуп саб.
Дад Мзауҷ, ҳгәаҟрақәа зегьы аныԥшыртә еиԥш, иаҳзызыҩуада ашәҟәы?
Схәы-сжьы қақаӡа иҩеилагылт.
Суҳәоит усыламкьысын!
Аӡәы ауаҩагара иман, ԥҳәыс дааимгаӡакәа иҽиражәт.
Мшәылди Гәаџьуеи, нас даҽа аӡәык-ҩыџьаки уеишәа иахауртәар, аишәа иқәуҵазгьы рфоит, уеишәа ахаҭагьы рфоит.
Аҷыӡ ду ҳәа ицәажәоит, амаӡа шәаргьы амоуп иҳәан, иаахиркәшеит Ҷкәы Осман ҭхьынатәикгьы.
Акызаҵәык уа алахь еимарџахә, ахара ишыԥшыц иԥшуан Ерцахә.
Махаз Ҵәыӡы иԥшәмеи иареи автобус иазԥшны игылан.
Амала, иаб ишьҭахь дук мырҵыкәа даачмазаҩхан, иԥсҭазаара далҵит.
Урҭ акасыжәқәа аԥса аԥынҵала инаирҳәы-ааирҳәуеит, ракәу, ракәму еилиргошәа.
Дынкылԥшуеит дԥышәарччо, лыбла қаруақәа гәырӷьарак рыҵахәмаруа.
Аиеи, мшәан, иӡбахә зҳәо зегьы ус ауп ихьӡ шыршьо, амала, ахаҵараҟны усҵәҟьа ихәыдоу аӡәы иакәӡам иара.
Сара сыԥсы ааиҭаскуеит, — иҳәан дахьгылаз иуапа нкаршәны днықәиеит.
Ҳара уи аҭыжьра даара ҳазыԥшын, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Мушьни Лашәриа.
Апаран ауаа нақәтәан аӡы агәҭа ианнеиуа иааҳәуеит.
Ашәахьа ашьыжь шәааиуеит.
Абас еиҭаҳәаны, еихаҳауа ишаауаз, ҵхыбжьонк, ԥша-цәгьак аиаша ҵызшәаауаз, Ҷанба иуада илыҩнасын, цәгьала иҩнаԥшит, инапҩырақәа арҩынтит, исаркьа ԥнаҽит.
Лара дшыхәыҷӡаз бзиа илбаз лабацәа рытрадициа деиҷаҳаны иныҟәылгоит.
Урҭ адунеи ақәзаара ргәы ахшәаны иҟоуп излазбо ала.
Акрумфар, умч даара икәадоуп, ушьапы уаҳзықәыргылом хәшәла мацара, аҳақьым ииҳәац иҳәон, дицәнымхо акәӡамызт изидицалоз, хымш рыла ишьапы дықәшәыргылароуп ҳәа Ԥачулиа иҟынтәи имаз адҵа акәын инаигӡоз.
Аҭыԥ иабаз аԥсы алахан, ам-ҵәыжәҩақәа накәаԥсаны, хланҵы инҭалан, ашьшьыҳәа ҵаҟа инатәеит.
Ааи, аԥырӷы ҭарыԥсааит, иҭгашазеи!
Иҟалап ус акәзаргьы
Садтәалан саԥхьаҟа сыцәа ԥызҽыз, сыздызхалаз ашәҟәы ишԥасгәаламшәои иахьӡыз!
Абзиа уур аӡәгьы ихашҭӡом!
Ааигәантәи, харантәи ауаа изаалон алуқәа рыҟаҵаразы.
Аԥсцәаҳа ацара аҽаазнакит.
Ҳаизыҭрысуа акәымкәа, ҳаҟазароуп џьарак.
Лара аҭакәажә лхапыц хыц-ҩыцқәагьы анкаԥса инаркны, уи афара даҟәыҵижьҭеи акыр ҵуан, аха, зегь акоуп, лмаҭацәеи лҭацеи ианырфоз дгәырӷьон.
Уаҟәыҵ, уанаџьалбеит, аҭаҳмада иаџьал аанӡа дызху шьаауазеи
Иубо зегьы угәы иаурсыр ҟалома.
Дышқәыԥшӡаз иани иаби иԥхеит.
Дыди-мацәыси ирыӡрыжәхьоу сышьхақәа, рыԥсы иахдырзаӡом ахрақәа рҭоуба.
Иаԥхьаҵәҟьа инеиртә еиԥш, ирманшәаланы ашаха ноуишьҭит.
Миха Хышбеи Чагә Алшәындбеи, анхацәа ирылагьежьны, афатә еизыргон.
Аниҳәа, ицәажәара ааҿахҵәеит.
Сергеи Платон-иԥа аӡәгьы игәы анырхара шиҭахымыз шиныԥшуазгьы, иажәа маҷк иџьбарахеит.
Иаҳа дацраланы.
Аа, абааԥсы, нырцә итәоу, аарцә итәоу иҿшьы, аарцә итәоу, нырцә итәоу иҿшьы, ҳәа аӡәы иҳәан иҳәеит, иара изҳәаз дындәылҵны дцеит, дахца аллаҳ идырп.
Абаа сумырԥхашьан, сыԥҳа дусҭоит, — иҳәеит, аҳ, аҳ иԥҳа дииҭан, диманы дааит.
Даацәажәеит уажәы аԥа.
Данеиларҳәа ашьҭахь днаганы иԥаҵа рсеит.
Ақыҭан зыбз иафақәоз, илзырҳәозгьы рыламыс иамаз!
Қарҭ ирдыруазаарын уи ахҭыс шыҟалаз, аха аӡәгьы игәаӷьны иаахтны изҳәомызт.
Аха уажәы ллакыҵа ччаԥшьк ыҵшәом.
Закә ҵхы мыждоу илхылгаз анылдыр убасҟан ауп.
Сара исылшом ара саангыларц, амҩа сымоуп наҟ хара.
Ари алӡынрак урҭ зегьы акыр рҽырԥсахит.
Уи имацара иоума, иахьа зегьы иаарҭаххалак ҟарҵоит.
Мыцла еиқәдырҽаҽаз рымҩаԥгара иазықәԥо, иҟам-ианым рхы иархәаны, есиҟалалакгьы аҳәаа ихыҵны рҽаларгалеит, аҭакԥхықәраҿы аус зуаз шьоукы ӷьычны абрахь иаларгалазшәа, урҭ рхы иақәиҭыртәырц иашьҭоушәа, аҽыҵгақәа ҵәыҵыԥшааны
Дгәырӷьаҵәа дыҟан Асида уахатәи аҿахәҿыхра дахьацәынхаз.
Ачҳара ауп иаҭаху араҟа, ачҳара
Аԥсуа кәасқьа, амаҵурҭа, аца, абоура, шьац иаҵәала ӡынгьы-ԥхынгьы ихҟьоу, быбыц зқәыршәым ашҭа.
Аха дымцаргьы ҟаломызт.
Сананыскьабгоз былаӷырӡқәа аахаҟәҟәалеит, сгәы ҭырблаауеит сназхәыцыр.
Исыгхаз саҭаумҵан, абга рынцәахәы!
Абас, уара зҿумҭуазеи?
Иақәгәыӷит ирнаҭоит ҳәа зқьышықәсала аԥсуаа ззықәԥоз амилаҭтә хьыԥшымра.
Абас ауп сышҟоу акәымзар, уалсбагьы зугсырхозыз, аха уаҳа ԥсыхәа сымам шьҭа
Сухәаԥшуа сҿаасхап
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла апрезидиум аилатәара аҿы анаԥхгараҭара алахәылацәа еицҿакны Зураб Аргәыни Заира Ҵәыџьбеи Аԥсны ажурналистцәа Реидгылара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩцәас иалырхит.
Егьаурым, иуиааиуа иаанда уалеишышуеит!
Дара ахықә иқәгыланы илеиуан.
Икьыркьыруеит аҽқәа
Нас ҵаҟа днышьҭаԥшит.
Сиҳәоит сара исыгу.
Унаскьа, рыцҳашьарала згәы ҭәым!
Амузыка ахьыҟам акгьы иаԥсам
Убырҭ роуп араҟа аангылара знаало ахьымӡӷыдақәа.
Ажәҩангьы ҳара иаҳзыҳарамын.
Ус ҟасымҵар акәын ааигәахәит иара, аха иҟаиҵашаз ҟаиҵахьан, уи шьҭа уаҳа аарҳәышьа амамызт.
Аҭаҭын уахон
Уи сыхәмаршәа исҳәеит.
Уи даналга дыҭрысны леиԥка аҳәынҵәра ԥыртлани ҵаҟа данаха мчыла илыхҳәаны данлыгәҭас ихьамҭара даманы адиуан днықәҳаит.
Тата инҵәоз атауар ааганы иқәылҵон, лҭаца дааилахаҵәҟьар длыцхраауан.
Адик сиса-иԥа, Зурик Константин-иԥа, Мурҭаз Қәаса-иԥа, Ҭыма қәаса-иԥа, Маврик Панџьа-иԥа, Гәырам Иликәа-иԥа, Нодар Гәыӡбеи-иԥа, сара сналаҵаны Кәыҵниаа, Катата Сикәа-иԥа, мераб Сикәа-иԥа, Рома Вова-иԥа Џьынџьалаа, Илиуша Кәышәиԥа Џьопуа, Бесалҭан Даҭикәа-иԥа Сангәлиа.
Уи, анцәа ду имҭаны, иҳәахьала иааит, иага ихьшәахазаргьы ауадаҩрақәа ахнагазаргьы апоет иабацәа, иабдуцәа зызхьуаз аиҭанеиааира, аибабара аамҭа
Уи лан ажәгәарахь лҿыналхеит.
Ари иԥсадоу ажәеинраалоуп, убри аҟнытә аизгаҿы аҭыԥ амоур акәын.
Иаԥсам ацәыҵараҿ аҟәынд-ҟәындра.
Аслан иахь дхьамԥшӡакәа, аҭак ҟалҵеит.
Уимоу, Нарҭ данижьагьы, илычҳаит, адәахьы илынлырԥшуа аӡәы имбеит, илеижьаз раԥхьатәи абзиабара, ацәаҭагӡара шуадаҩызгьы, даиааит.
Сызбаз уи сахырбааит, ишызбахьоу рхашҭу ааӡаб.
Анхаҩы иҩны ихтны иҟоуп акрыфарҭа анхацәа рзы, ихтраны иҟоуп дара рзы абанагьы.
Аҩызцәа уҭахӡами?
Уҩагыл, аԥааимбар, уааԥшла, уӡырҩла, ухы мҩаԥга шьҭа сҿаҳәатәала
Аха сахалап, сеиҭахалап.
Баӡ дхысит.
Дҿыхаанӡа ашыла шәҷыҷы, данааԥшлак уи ала дшәырча!
Урҭ рфырхацәа рхәыцшьала, рыламыс абзиарақәа ахьаҳдырбо ала, аԥсуаа ирзааигәоу ҩымҭаны, еигәырӷьаны изыԥхьо акы акәны иҟалеит.
Аха уажәы аԥхьаҩ идигалаз амонографиа, ҳәарас иаҭахузеи, уаанӡатәиқәа зегьы ирыцкуп хаҭабзиаралагьы, шәагалагьы иреиҳауп.
Ҳара ҳхәыҷқәамзи, ианаҳба ҳаигәырӷьеит даара.
Ишнеиуаз иақәшәеит аӡәы иԥсырҭа
Ауха Маикоп бзиа ҳналсуаны, автоинспектор дҳахьӡаны, аршәаа дасуа ҳааникылеит.
Шьыбжьон ԥшь-сааҭк рзы акәын.
Ажәытәан ишырҳәоз еиԥш
Уи ахьҳалымшаз ӷәӷәала иаҳныԥшит.