url
stringlengths 0
2.23k
| collection
stringclasses 9
values | source
stringclasses 78
values | original_code
stringclasses 16
values | text
stringlengths 32
394k
| __index__
int64 0
6.02M
|
---|---|---|---|---|---|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Уаҩԥсы диҿамԥшкәа, днаҭрысын, деиҵақьызқьызуа, агәашә дынҭҟьан, иаб иқьаԥҭа шыҟаз иҿынеихеит. | 69,066 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Хьымца апрофессори аҳақьымцәеи ихәаԥшны ихәышәтәра, иргәыӷра ианналага, хәыҷык агәкаҳара имаз ихигазшәа дыҟан. | 41,021 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Иахьа, аиҳабыраҿы инасыԥхьан акультура аминистрс бҟаҳҵарц ҳҭахуп, бгәы иаанагозеи ҳәа сарҳәеит. | 112,414 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Шәышықәса инареиҳаны изхыҵуаз аҭаҳмада дымҩасны дахьцоз Наҳар хәыҷы иҟаиҵаз аниба, агәахәара ду инаҭеит, дагьиқәныҳәеит | 94,604 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Убри аамҭазы, иара дыықәгьежьын, инапқәа ааиниҟьан, Аума ианиаз Ҳасан, аума ианиаз Ҳасан! | 68,663 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Акгьы ахьыҟам ахь гәы ҟадыџь лыхан, даақәхоит ан уа, илымамкәа хгарҭа. | 93,184 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Зхьышьаргәыҵа сакәыхшоу, субоит шаҟа срыцҳау, иҟало акы акәзар дсызныжь абри аӡәк | 140,267 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Абарҭқәа иреиԥшыз ажәеинраалақәа рыла ихасырҭәааит ишаанагара иҟаз зеиԥш тетрадк аибашьраан исцәыӡит. | 53,712 |
|
glot500 | Wikipedia | abk_Cyrl | Жәлар рышкол арҵаҩы ҳәа ахьз анирҭа нахыс, рҵаҩыс аус иуан Кәтолтәи (1904-1905), Кындыгтәи (1905-1908), Тамшьтәи (1908-1912) ашколқәа рҿы. | 140,413 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ахьтәы медал ирҭаз кны, дылбааны аҽеилаҳәарҭахь дышнеиуаз, имахәар аӡәы иааникылт. | 116,693 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Уажәоуп уара урҭ русқәа уҽанрылаурхә рыцхраара уаналага, сара сҽанрыласырхәыз, рыцхраара саналагаз, уаргьы, Виқтор ҭахәыц-иԥагьы зынӡаск шәмиӡацызт. | 57,314 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ус еиԥш ахьӡ нмыжь, сахьызмыруа сара схала, сҭамло нас аӡмыжь, сара стәала сыбызшәала, са сҿахәы сҳәаларц, сџьам ахьыҟам сымҳаҵә шалам, зегьы идсырбаларц. | 121,283 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Иашәаҳәара анаанҵәоз иақәыршәаны, сара иаацәырызгеит ахапа, иара иҟынӡа инаҩыртә еиԥш сыбжьы ҩҭганы. | 4,050 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ацаҟьа амгәа аӡәы иҟама нҭаргьежьны иааҭихызшәа, аӡыхь аҽыржәпаны кылҵәарак аҟнытә иҭыԥоит, нас, аԥҳәыс бырг лыхцәқәа реиԥш, ацԥхьқәа рыҽԥыртлапы, иҟәаш-ҟәашӡа инахьынҳалоит. | 88,070 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аԥсны инхо, Аԥсны зымбац, сара сдоуҳа ашҭа иҭамлац, иакуазаарын, рыцҳа, амла | 114,161 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Асахьаркыратә рҿиамҭақәа рнаҩсгьы аԥсышәала иҭыҵуеит анхамҩеи акультуреи еиуеиԥшым рызҵаарақәа ирызкны анаукатәи, аполитикатәи усумҭақәа, еиуеиԥшым арҵага шәҟәқәа, ажурналқәа, агазеҭқәа. | 40,228 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аԥсара санықәҵуаз, ибасымҳәеи, сарҭмаҟ сызқәа икыдҵа, акаҵкәыр иҭартәаны Дамшә, ҳқыҭа агәахьы скылсит. | 18,974 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Нас лыҩныҵҟантә ихьу-хьууа гәбылра мчык аалыҵасын, иҟәы блаауп, иҟәыблаауп лҳәеит. | 144,118 |
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A1%D0%B8%D0%B5%D1%80%D1%80%D0%B0-%D0%9B%D0%B5%D0%BE%D0%BD%D0%B5 | wikipedia | wikipedia | ab | Сиерра-Леоне (), аофициалтә хьӡы: Сиерра-Леоне Ареспублика () — Африкамраҭашәаратәи атәыла.
Административтә шара
Сиерра-Леоне 4 апровинциақәеи () 1 аобласти () рыла ишоит.
Азгәаҭақәа
Африкатәи атәылақәа
Ареспубликақәа | 999 |
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Убарҭқәа рзы акәхап, аӡәы иҟам диҩызоуп, ҩыџьа иҟам-ианым иреиԥшуп, хҩык шьаҭамырӡгоуп ҳәа зырҳәогьы. | 9,787 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Уи иааӡалашт миллионла ахьҿара, иахылҵыз урҭ рами афырҭым, хьмыӡӷ адмыргарцаз бзанҵык абиԥара иазықәԥо, дҟамларц аиаҭым. | 1,509 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Куба шшәаҳәац ишәаҳәоит, аха аԥыхьа саныҟаз аурыс советтә шәақәа лассы-лассы иадырҳәалон. | 37,965 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Агәыла-зла цәгьа дыргәаԥхон Цымцаа рҭаца, абри аҩыза агәаҟра, арыцҳара даԥгыланы, илынмырԥшӡакәа дахьааиуаз. | 85,333 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аԥсрамҩа, мамзаргьы Анцәа Мардыҟә изку апроцесс мҩа ҳәа изышьҭаз акәын. | 70,394 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Агәашә ҩаԥхьа аӡәы иааиртын, ҳәак, иахьаанага сыздыруам, ашҭа инҭалан, ауразоуроу ицәаӷәаны инықәнаҵеит. | 26,636 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Уи атәгьы абнаҟа исҳәоит, инапы наирххеит инапҩымҭахь, дызласнаԥхаз убри ауп, лара | 118,875 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ашьҭахь уи агазеҭ ианыз аинформциала еилыскааит Алеко Гәарамиа аматематикатә наукақәа ркандидат ҳәа адиссертациа шихьчаз. | 41,855 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Џьоукы, аҳәамҭа иара ус, ишаараҳаз, ажәлар ишаарҳәо ақьаад ианырҵоит, џьоукы ажәлар рҳәамҭа рхы иархәаны, рхатә философиатә ҵакы аҭаны, иақәнагахаша ацәеи-жьы нақәҵаны, иаԥырҵоит асахьаркыратә литературатә ҩымҭа, даҽа џьоукы, еиҿырԥшраҵас, метафораҵас рҩымҭаҿы иаарымҩатәны рхы иадырхәоит. | 79,538 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Уи амаҭәахә шьеи лаӷырӡи меигӡарах икаҭәаны иҳаԥшаауаз иарԥшӡар акәын уиадагьы иԥшӡаз, ауаа беиақәа рыбзазара. | 104,766 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Уи ҭауади-аамысҭеи даарыдыркылан, ирҭахыз илдыршон, урҭ рӷьычра рқәычра далахәын, уи ухы иқәкрын, дызлыҵыз анхацәа дрыцәтхымны, уимоу драӷа бааԥсны дҟалеит. | 30,558 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Иараӡәзаҵәык ида зегьы еицҿакны абри агәаанагараҿы ишыҟаз аниба, ашьҭахь аҭауадгьы урҭ дрықәымшаҳаҭхар ада ԥсыхәа имоуит. | 26,288 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Абзиараз, Сырма, схьырҵәаҵәа, сразҟымҩа, измауз бзиа еиҵыхра, сынасыԥхә ҩаҵхаха шьҭацәа, сыбзиабара хаа, са сгәыӷра. | 8,402 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Иҳахьлакгьы рҳәан, рхы зықәкыз аҩны ианазааигәаха, убраагьы инеины иҟаз гәарҭеит. | 63,671 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ҵабыргынгьы, Алҵыкә аԥсуа жәлар традициала ирмыоу акыр ауаҩытәҩсатә ҟазшьа ҳаракқәа, аҟазшьа бзиақәа набыцрада иныҟәызго уаҩуп. | 90,106 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Уаҩы ибартә иҟоуп Игор ир ирыхҳәаау ажәа зҩыз дышқьырсиану, аха ирҿиамҭаҿы ауахәаматә догмақәа дрылахаланы, ихаԥаны иҟаӡам. | 41,890 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аха ухаҭа уаназхәыцлак, иҿыцушәа, уара уда даҽаӡәы ихаҿы имааизшәа иубо уалагоит, насгьы иаҳа агәра угоит. | 2,927 |
|
glot500 | Wikipedia | abk_Cyrl | Ажьырныҳәа 1, 1999 шықәсазы “Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк азы (Аԥсны Абанк)”, “Абанкқәеи абанктә усуреи рзы” ҳәа иалагалаз абанктә усуразы азакәан ҿыцқәа еиҳа конкретла иҳәаақәырҵеит абанктә система ҩ-ҩаӡарактәи асистемала аиҿкаара: Аԥсны Амилаҭтә банк – хыхьтәи аҩаӡараҿы, акоммерциатә банкқәа – аҩбатәи аҩаӡараҿы рыҟазаара, иара убас абанктә система аусӡбатәқәеи афункциақәеи, Амилаҭтә банк акоммерциатә банкқәа ирзышьақәнаргылаз, русура арегламент азыҟазҵо аекономикатә нормативқәеи егьырҭ аҟаҵарбақәеи рықәымныҟәаразы акоммерциатә банкқәа рҭакԥхықәра азԥхьагәарҭеит. | 4,959 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Урҭқәа рзы авба иҭаны апартиа иалцара аҟынӡа азҵаара анықәгылазгьы ыҟан. | 19,959 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Лгәы дҭақьызқьызуеит Зина, сыҳәҳәаны сзаԥырамгылазеи, изаанысымкылазеи, лылаӷырӡ дахәаҽуеит Зина, Кәынта имашьына шәытаӡа, адәықәҵара иҽадырхала, аҩны аԥхьа иангылаз лгәаларшәо, уаҳа уҩнамларц азоума ацаԥха зусымҭазгьы | 126,810 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ладраа рышҟа длацәҟәысны, амацәыс аракә еиԥш ашәахсҭақәа зылганы иҟаз ихы-иҿы ихаччо дцәажәон Кәаҿгьы. | 118,262 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Хырҳагарак, хәарҭарак злоу уск ансзыҟаҵа, шаҟа сгәы раҳаҭхои, сыԥсеивгара ласхои! | 118,056 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Нас исазҳәаз ишиҳәаз ауп ишуасҳәо, аҵабырги амца уара уазхәыц шьҭа. | 98,765 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Иаргьы ицәымӷын, баша ҽырбароуп, срыцҳашәшьа ҳәа ауаа урыҳәошәа иҟалоит иҳәалон. | 123,380 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Анцәа ԥсыцқьа ситәын уахыки, нас уахыки ҽнаки анцалак, сара исылшарц егьырҭ, нҵәашьа рымамкәа, аџьныш қаҷаа иитәу амшқәа аҵхқәа рхыгара. | 6,814 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ауаа хыҵны ишә ианылагылаз, ииҳәоз акыр ԥхылнадо ианыҟаз аамҭақәа игәаламыршәакәа, снаидтәаланы ашахмат асра салагалон иара уаҟа, аԥшаҳәаҟны. | 20,399 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Сыц еихарӷәӷәаны схьаа сычҳалар акәхеит, аха усгьы сҿи снапи еиқәыԥса тәашьа сымамызт | 82,520 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ифырхаҵараз ианаршьаз амедалқәа, џьоукы-џьоукы рорденқәа иреиҳазар ҟалап, аиааира иманы аҩныҟа дхынҳәуеит, аха иара ахәшәблы сафыҩхьеит ҳәа ишьапы иҵхны дтәом, аколнхараҿы днеины иҩызцәа дрывагыланы аус иуеит, ҩаԥхьа дазыхынҳәит ҭынчлатәи анхара анҵыра. | 143,885 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Усҟан даара имодан официалтә политика амҩаԥгаҩцәа иргәамԥхоз изы акласстә ӷа ҳәа аиарлык неихьнырҳалара. | 72,544 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Убриазоуп Аԥсуа раԥхьатәи аҵәца аақәхны хаҵаҵас Анцәа ду улԥха ҳаҭ! | 91,723 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ашәара бааԥсы ианақәшәалак зҩыза дкажьны аҵла иқәлаз аҩызараҿы акапеи кылҵәа даԥсаӡам ҳәа санаҳәеит, аҭак ҟаиҵеит ҿыцха зыҽказыжьыз. | 97,890 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Бшыҟаз бара сдунеи ду базнан, уи балԥаан бызгаз ԥшак шәышәуеит. | 70,249 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Рнапқәа анырӡәӡәа егьи ахәыҷы рыгәҭа длартәаны, астол иаакәшан илатәеит лашьагьы, лыԥшәмагьы, лҭацагьы, ларгьы. | 57,255 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Иаахтны Абзагә дидгылар, махәҭа ӷәӷәаны имоу Марыҭхәа, игаӡарала, амахә ҩа даҩызаитәуан. | 128,124 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Еилкаауп иахьа Аԥсны зҭагылоу ауадаҩра, иҵегьы иаартны иаҳҳәозар ашәарҭа, ҳадгьыл, ҳбызшәа, ҳԥеиԥш рзы. | 106,232 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Далаԥшны, иреиӷьыз афатә хәҭақәа лсаан ианиҵауан, аҩы анлиҭоз афырџьан шьҭыхны убас ирԥшӡаны илыдигалон, илымжәышазаргьы убри аҳаҭыр азы мацара имылхыртә. | 83,460 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аамҭа иснаҭап ҳәа сҽырҭынчны сызтәауамеи, Са сгәы иҭыхо ажәеинраала ахаҭазы. | 139,286 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ацәшьхәа ма шәадцал, шәсымамызт сара, уа сгәы нашәыдкыл ишәсырҵон аҵара. | 37,973 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Зны иԥсраны иҟаз аӡәаӡәала ираҳәаны, ақыҭа зегьы дрылсны дшааиуаз, нхаҩык аҳаҳаира ҳәа, аҵәҩанқәа арсуа, аанда шыҟаиҵоз дааидгылт. | 107,834 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ашәҟәы анҭыҵ сыкәшамыкәша сзыхьӡоз ирацәаҩны ирысҭеит, урҭ раԥхьа дгылан апрофессор Шалуа Инал-Иԥагьы. | 62,663 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Исзеилкаауамызт егьырҭ амеханикцәа, аштурманцәа имтәа-имгыла, имфа-имжә, зыцәа рҟьаланы зус иахагылаз иарбан мчу иргәыҵасуаз. | 66,562 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Лаб иакәын изалҳәоз, аха лхаҵа, Сакәытыжә иԥа Сафер, аԥсараа рыбҳәасақәа ирчахыз ишҟа акәын дахьынаԥшуаз, аимак роузааит абольшевикцәа, рдунеихәаԥшышьақәа еиқәымшәеит, аҭыԥқәа еимаркит, ахьӡ-аԥша рзеиҩымшеит, урҭқәа зегьы сара еилыскаауеит. | 96,299 |
|
glot500 | Wikipedia | abk_Cyrl | Ас еиԥш ахшыҩрҵара аилкаара иаанарԥшуеит ахеиқәырхаратәии идеологиала ишьақәыргылоу ахымҩаԥгашьа асистема. | 3,436 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Дшаԥсуоу анидыр, насгьы имилаҭра игәаҿы имыцәацзар, хымԥада Варна, ма Толбухин ааигәа-сигәа џьара инханы иҟазар ҟалоит аԥсуаа. | 111,590 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Арҿиаратә интеллигенциа раԥхьа инаргыланы, аԥхьаҩцәа ируалуп ҳбызшәа ацқьара иашьклаԥшларц, иагьацхрааларц. | 91,190 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Уи ус шакәу агәра ҳдыргоит иаҳәшьа лхаҵеи лареи еинымаало, аҭыӡшәақәа рыманы ианыҟала, иҩызак диманы уахь данцо амҩан ииҳәақәо, уа дахьнеиуа ихымҩаԥгашьақәа, иажәақәа. | 41,196 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Уи цәала-жьыла мацара акәмызт дшыӷәӷәаз, доуҳалагьы акы сацәшәап ҳәа ахаангьы игәы иҭамызт, дыџьбаран, ихшыҩ ҵарын, аха ихы изымшаҭагәышьеит, иҩызцәа ҳәа иҟазгьы цқьа ҳзимеиҷаҳаит | 127,306 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аҵыхәтәантәи Аԥсҳацәа рышьҭахь хылҵк дызлаҟамыз ала, урҭ раҳәшьаԥа, Гәырандыхәт Гәыргьен Багратиони иԥҳәыс лыҷкәын Баграт Ахԥатәи Аԥсҳас дҟарҵеит. | 27,522 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Амра анҭашәалакь, ана-ара еиқәырҵоз амҿырҟәара мца дуқәа ирхылҵуаз алашара аҵх лашьца еиҩырссо, харантәи ақалақь аҭӡамцқәа иргәыдыҷҷалон. | 128,223 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ҵабыргуп, ҳажәлар ашәҟәҩыра рымамызт, аха аҵарадырра рыцәтәымны иҟаӡамызт, изыхәҭаз ауаа аҳәаанырцә ишьҭны аҵара ддырҵон. | 101,732 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аиеи, аҩра хымԥада иҳауеит ҳәа акәымкәа, иҳаур ҟалап ҳәа акәын ишиҳәоз. | 102,576 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Нас уааи, ҳанхара, ҳанҵыра, егьи, нас уара ҳамаҳә уоуп, уажәада ҳаҩны умааиц, ҳшынхақәо усырбап, ҳәа Гыд днаиаԥызан иҿынеихеит. | 129,475 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Иҟоуп уи престижуп, насгьы ақалақь аҿы абзазара акырӡа еиӷьуп, маншәалоуп, ақьафурҭақәагьы, рацәак џьабаа мбакәа ахныҟәгарақәагьы уа иаҳа уаҩы иауеит ҳәа изыԥхьаӡақәогьы. | 47,363 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Иаҳдыруеит мчык цәырҵит Аԥсны ҭазырхо, дад, аамҭа ҳҭагылоуп аԥсцәа анбзахо. | 72,532 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Лгәы лыхоит, лгәы хыҭхыҭуеит, идыруп измааноу, Аԥша ҟәанда лахәыҭхәыҭуеит, иара атәы ҟаҵо. | 80,715 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Смел аԥсхәра ахьыруаз ашҭаҿы данааигьы, ицырԥсса ишьҭаз аҽцәа акыр дрылахәмарит | 52,548 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Хәыцра дук, фантазиа дук аҭахӡам уи иахҟьаны иҟалаз ухаҿы иааугарц азыҳәан. | 140,498 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Абырфын рахәыц ҳабжьдоуп, угәы каршәны уцәа, убас сгәаҵӷақәа рыххоуп, убас хьаак сыцуп. | 9,147 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Урҭа иааӡаз, аурҭ ахьасуаз, Володиа ихәыҷра ахьымҩаԥысуаз, ақыҭа Ԥақәашь аҿаҩа, убра дааӡеит, иоут ацәаҩа. | 16,246 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Иан изеидылкылаз аашьҭихын, ицны ицарц зҭахыз агәыла ҳәсақәа рҽеиларҳәаанӡа дзырзымԥшыкәа, иҵәахны имаз аԥарақәа аашьҭихын, ахәышәтәырҭахь амҩа данылт иара. | 25,197 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аԥсуааи ақырҭцәеи ҳабжьара амилаҭ зҵаара анцәырҵлакгьы, егьырҭ амилаҭ рхаҭарнакцәа ҿырҭуамызт, аха зегь дара роуп азҵаара ӷәӷәаны ианеимаҳкуаз, ақырҭцәа рахь акәын иахьадырцәылоз. | 75,445 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ус угәыӷла, аԥса аҵкыс хык ҳәагьы, убригьы аиаша акыр иаԥсоуп. | 120,135 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Бериа иҵарҟәаҟәаша, уажә иаанхаз изшьапык асқам иҳаракны иқәҵан дахьтәаз дхәыцуан Адамыр, убарҭ рыжә ла зегьы еизыҳәҳәаны иреицәаз абрахь иааигеит. | 97,920 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Иара изыҳәан иссирымыз аӡәыр дыҟазма аха, илаф ажәабжь даҿын Арсана. | 138,620 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Хыхьгьы исҳәахьеит Қарҭгьы иҟан Аԥсны гәыкала бзиа избоз, ирылшоз ала, Аԥсны аиқәырхара иаҿын. | 143,138 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аԥсуа жәлар рԥсҭазаараҿы итрагедианы иҟалаз амҳаџьырранӡа аҭоурыхтә документқәа излашьақәдырӷәӷәо ала, уарла-шәарла, ма ахәҳахәҭра, ма даҽа-наптәрак знапы алакыз, аусуразы арахь иаауа шьоукы-шьоук ракәымзар, Аԥсны етникала иакыз жәларык нхон. | 26,767 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ҿааиҭит ани аҷкәынгьы иаразнак игәы ааҭылашаан, уии иареи лара ашкол далган Аҟәаҟа дцеижьҭеи знык-ҩынтә ракәын иахьеиқәшәахьаз, аха еи бабацыԥхьаӡагьы, иԥхашьа-ԥхаҵо аԥсшәа анааибырҳәалк, ихааӡа иааихәаԥшуан, нас аҩыџьагьы уаҳа акгьы рзацым ҵаӡакәа ус инеиҩысуан. | 59,149 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Уаҳа аҽакала ҟалашьа амам уи агәра лгоит, Алгьери иоуп лара лынасыԥхәы азы еҵәаны игылаз, зегь раԥхьаӡа лгәы иҭаҷҷаны лыԥҳәызбара цәанырра зырҿыхаз, лыԥсы ныҭшәаанӡагьы аҽа еҵәак аҵаҟа изыҟалом лыԥсҭазара! | 99,415 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Шьазина уи данигәыдԥшылаҵәҟьа, лылаԥш нақәшәеит икәымжәы акаламқәа реиқәаҵәарахьала иаарҳәны ишҭаз. | 140,354 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Абасала, ҩынтә лынасыԥ шеиԥҟьахьазгьы лгәырҩақәа еизыҵәаны дшырхәаҽуазгьы, Мзиа гәаҭалагьы, ԥшра-сахьалагьы еицакра лымамызт, ҟазшьалагьы хаара лыгмызт. | 6,785 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Уажә иабаргәи, аԥхын, асырӡ анлеиуа ауп ицәыцәны иҟоу ақьақәа еиԥш зынӡа аҽанарыцәгьо, ахаҳә-мҿыхә еизыҳәҳәа, аԥырцәқәа еиларгыла, аҳауа ззымхо аԥсыӡ ӷлам еиԥш ацаҟьеи ацаҟьеи рыбжьара ахы кыдҟьо, иахьцара азымдыруа. | 127,769 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аӡәгьы ухьӡ зху, уԥсы зцу аӡә лакәны адәы дықәҵаны думазароуп. | 68,323 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ушмоскватәу шьҭа сацәҩашьом, уажәеинраалақәа агәра сдыргеит, агазеҭаҿ сара срыԥхьеит, изуцәызӡозеи, сыԥсы сдыргеит. | 141,497 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аԥсҳа ихьчаҩцәа иреиуаз аӡәы ашырҳәа днеин, иҳарџьԥсараха иҟаз аҽуардын ашә данааха, аҳкәажә лҩызцәеи лареи иҟалаз рзымдыруа, игәыҭҟьа-ԥсыҭҟьаха рыхқәа ааҭдырҳәҳәеит | 33,995 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Уи, зны Зыхәба иаԥхьаҟа диасны, ауасҭа иԥыраҳәа еиԥш дааиԥыраҳауан, нас иармарахь, ашьҭахь иарӷьарахь. | 56,347 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аԥсуа шәҟәыҩҩы ду Михаил Лакрба Жана Ачба ихааныз ирҳәамҭаны ианиҵаз жәаҳәахьак аҟны ҳаԥхьоит | 72,876 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Анаҩстәи шәара ишәусуп, дад, сахәом, иахьа саԥырҵуам уи сацәшәаны, ижәдыруаз, инсыжьит сԥызшәоз, сеиҟәызжәоз, исыжәлоз еиқәтәашьа змам цәқәырԥаны | 101,746 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ахы алҟьомызт аҵыхәакцәа реибаркыра, иҿагылаз ирыхәаԥшуан рыцқәа еихасуа, аамҭала акәын урҭқәа зегьы, идыруан, аха рышьҭа дхымлеит уи дқәасқәасуа. | 38,519 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Џьотеи Неллии рыквартирахь сахьыҩхалаз, ауадақәа хыла-гәыла иаарҳәны иҟан, амал иашьҭан агвардеццәа. | 96,372 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Исгәалашәоит, ҽнак дшаалац еиԥш, ԥшахьырсра абрахь данхала, ҿыц санибаз еиԥш, сџьашьо-слакәшьо, ладеи-ҩадеи дцо-даауа, ибжьы рдуны ииҳәоз иажәақәа | 120,364 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ауаа рыҭира агьама ззыбзиахаз ргәаӷ кны дышрыхцәажәоз слымҳала исаҳахьан, антиохиатәи апатриарх Макари, агырқәа рҟынтәи дшаауаз аҳ Пыта даниҭааз ҽнак зны абасеиԥш иҳәеит | 89,354 |