url
stringlengths 0
2.23k
| collection
stringclasses 9
values | source
stringclasses 78
values | original_code
stringclasses 16
values | text
stringlengths 32
394k
| __index__
int64 0
6.02M
|
---|---|---|---|---|---|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аха амшә ҟадыџь Қәыҭа ахәда иамцкласзар акәхап, ашьа ахьыжжы ашҭа иа нааҭала, харантәи уахьыԥшуаз, аӡә цас ахәыҷқәа ргалстук ҟаԥшь ахаиҵазшәа акәын ишубоз! | 125,673 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аха ауаҩы инасыԥ, аԥсҭазаара гәырӷьахә ашьхыц амати шеизнаго еиԥш, цәыкәбарла еизигалароуп, инапала ичаԥалароуп. | 101,372 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ҩын дук иргылон ахыбра аҟынӡа инаганы, нас иаалырҟьаны ихирбгалон, ҿыц аргылара далагон, зныкымкәа, ҩынтәымкәа. | 96,127 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ҳаццакы-ццакуа ҳмашьына ҳаадгылазар, абар ассир, амашьынаныҟәцаҩ, зыԥсыԥ аузышьҭыз апокришка аԥсахра даҿын. | 111,235 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Убри амшаԥ ауха, ашарахь инеигәоны, Елҟан иан Шьарифа ԥхыӡла лыҷкәын игымкәа-ибзамкәа, дыӡаанӡа дшыҟаз еиԥш, деихышәашәо, рашҭа дааҭалоны дылбеит. | 82,580 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ус, ихыгьежьааӡа аӡы иҩалҵын, иаха ианцоз ҳаԥхьа ишьҭанаҵаз аҩыза ахьтәы цҳа аахнаршәлеит. | 112,081 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Иахьҵху, иахьылашьцоу, иахьҿымҭроу акәӡам Адамыр иԥырхагоу иара амҩа даннаҵы амзагьы ашьха иҩавҵыҵит, иҵарны ицәаижьы, ихдырра негативла ианыԥшыз иқыҭа ауаҩы инапы ахьагу, иахьгәыгәҭажьу ауп. | 95,557 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Арахь сабацои сыдгьыл гәакьа ааныжьны ҳәа, хәыцрақәакгьы изааизшәа ибахит, аха шьҭа уи азхәыцха инаҭомызт иаҳа-иаҳа алашьцара иаҿыз ари адунеи. | 126,720 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Унапы иӡааушьылар аӡы, уаԥсҵәык аеҵәақәа ааҭугоит, – лҳәеит еиҭа Мариа, Андреи ацәажәара далалгаларц. | 133,774 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ма цәаныррак ҟәандаӡа сгәаҵа инҭалон, мамзаргьы уи ауҩ изыҳәан сгәаҵа ашә накуан, иакӡон. | 22,771 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ҵабыргуп, зыҽӡаны хаҵа ицозгьы ыҟан, аха убасҟангьы рҭаацәа ирдыруан рыӡӷаб дахьцоз, аргама лышьҭра иаҵанакуаз рацәан, ачара аура раԥхьа инаргыланы, убарҭқәа злымшоз ракәын еиҳараӡак зыӡӷаб маӡа дзышьҭуаз. | 126,744 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Адунеи ануԥсахуагьы Аҽеи ԥсрала удунеи уԥсахуа, Пату уқәызҵо ауаа Пату уқәҵан удырҽеиуа | 90,421 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Амаашьара ида инҭала, Ишьа иналалан, ԥшьшьала, Иблақәа анырра рнаҭеит, Рҭыԥаҿ иааганы ианаҭеит. | 2,671 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Гыртәыла аҳԥҳәыс каԥха-каҷҷа, сбыҳәоит сажәа аҳәаха аасабраӡарц, – иҳәан Отиа, инапы игәы инадикылеит, лаҳаҭырбара иадырганы. | 6,998 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Арҭ ауааԥагьақәа уи дызҿыз иага иргәамԥхақәозаргьы, аҩада Аедыгьатәыла аҳәаақәа ирыдыӷәӷәало, арахь иҭаланы арҳәрақәа, ақәыларақәа ҟазҵо иалагахьаз, зхыԥша ӷәӷәаӡаны иааҩуаз аҳазарқәа раҳәшьаԥа гәынҵәыхьажәала изимацәажәеит. | 95,295 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Сдырҽхәап ҳәа дышдәықәыз аӡәы иеимаақәа хеит, араҟа дрызгәамҭеит, анаҟа дмыцхәхеит. | 111,915 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аҵыхәтәан даду аҵәца аақәихын, уаҵәтәи амш зымшу аҿар шәныҳәазааит иҳәан, имаҭацәа инаҳадкыланы аҿар дрықәныҳәеит. | 128,266 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Убри аҟынтә ҵара зманы иҟоу зегьы уалс ирықәупабри злаҟалара аус иашьҭаларазы. | 79,631 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Иаура мыцхәы идуӡамызт, аха ижәҩахырқәа ҟьаҟьан, иӡара пан, ихы-иҿы иаазыхәхәашәа иҭәын. | 100,559 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Жәлар ршьаблакьаҩ Бериа Москваҟа диазгашаз амаҵура ҳарак данеиҽырбоз ашықәсқәа рзы акәын ари аамҭа. | 41,337 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Еиҭа ҳамҭакы ҿымҭ-ԥсымшьҭ ателевизор иахәаԥшуан, аха уи уажәы ҳара ҳакәмызт, дара русқәа ракәын излацәажәоз. | 58,090 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Сасрыҟәа иҽы днаҵаҟьан ара даадыххылт, анна даадыххылт, аха аду иҿыгҳара дахыԥаны амца ахбеиқәз ахь ҭаԥалашьа изыҟамҵеит. | 14,619 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ҳарҭ, ахәыҷқәа ҳакәзар, саргьы сналаҵаны, уи ҳихәаԥшит анцәа дхазҵауа Христос иаара дшахәаԥшреиԥш. | 77,613 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ԥҳәысҳәара инеиз, ачаи ашьақар шамамыз гәеиҭан, имҳаҵә рӷәӷәаӡаны, абжьы рыцәгьаны иаҵишьуа даналага, аҵәца аҵәҵәа еиԥш абжьы го иалагеит. | 131,601 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Абри уахаҵәҟьа аҵх иалыршаны, ддәылганы, сыла дахьамбо дганы данкаумыжь, ларгьы, уаргьы амца шәыцраҵаны шәызбылуеит, шәықәсхуеит, ҳә иалҳәеит лхаҵа. | 122,962 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ахҳәа злымсыц аԥаҵажәпеиԥш ихьаша-ԥаша иҟоу, уажәы-уажә зҽеиҭазкуа, иҟьаш-ҟьашо, икәараҵо абри абзазара гызмал, бжеиҳан мыцла иеибарку абзазара Леуан иеиԥш иҟоу арԥыс еизада, агәеилга ицәтәымӡоуп, иҽизақәыршәом, дзанаалом, иҽақәиршәарцгьы, данааларцгьы иҭахым. | 63,007 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аибашьра ианалага, аерманцәа аӡәырҩы рынхарҭақәа кажьны Урыстәылаҟа иқәҵны ицеит, аха Барцик ус ҟаимҵеит, иабџьар аашьҭыхны зыԥсадгьыл зыхьчоз аԥсуаа днарывагылеит. | 109,187 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аԥшаҳәаҿтәи ишәҭылаҳау амҩа ҭбааҭыцәқәа, абульварқәа, зуапа иаҵәарақәа ирҭашьшьы еилагылоу ашәаԥыџьаԥ уҳәа Гагра саама аасгәахәт азныказы. | 86,966 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аҭара агәаҿы, ҳара Мандараҟа ҳаныхынҳәы ашьҭахь, иацы ахәылԥаз ӷәӷәала аиҿахысрақәа ҟалеит. | 71,674 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ари шәымбои, ауаа ҽеила аԥсшьарҭа шрымам абас ааибырҳәеит еицыз аиҳабыра. | 28,454 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аҭаацәара игәы анахшәа, Татиана лхақәиҭра даҵашьыцуан, уи лыԥсҭазаара акәушәа ԥсҭазаара бзиас иҟаӡоу. | 109,905 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Шьаруан-ашәаҳәаҩ аԥсраҿы даннеи, аҵан-ԥсы зхаз анҭ ашьыццәа, ӷәӷәала иџьабошәа рҽыҟаҵо, иахьгылаз ицәыҵыԥшны ихәаԥшуа иалагеит, иага ибзианы ишәзиҳәап ашәа, Қьалышь ду зынӡа дшәырччархәырц ауп шәызҿу ҳәа. | 55,773 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ианысымҵаран ианысҵаз наҟ ианыхуа, сышьҭа рыцқьо сара арахь сшаауа, саақәхалоит џьара сакызшәа аныха, иҟасҵара сзымдыруа, сгәы ԥшаауа. | 47,600 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Иҳаиҳәахуааз, хырҽхәароушәа иԥхьаӡаны аҳәара иҭахымызт Лад, арахь иҭаацәа шгәырӷьоз ибон, уи агәырӷьа рымихыргьы иҭахымызт, ажәеинраала шыҩтәу, ашәҟәыҩра шус уадаҩу, ҳгәы ацәцаны ҳшаҟәымҵша | 98,601 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ииашоуп, раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизгаҿы имаҷымкәа иуԥылоит сахьаркырала икәадоу, цқьа имшәыц ахшыҩҵакқәа, аха иара убас уаҟа иумбарц залшом иааиџьушьаратә иҵаулоу, ҟазарыла еиҿырцаау ажәеинраалақәагьы. | 100,474 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аҟазарақәа зегьы раасҭа ари ареспубликаҿы иахьа ишьҭаханы иҟоуп атеатртә ҟазара. | 28,253 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Апоет, апоет рымшуп, арахь уихәаԥшыр зан ипҟаны игаралҵаз аԥшқа иеиԥш, ақәԥсычҳарада акгьы издырӡауам | 106,429 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ацынҵәарах иаԥхьаз дарбанзаалакгьы агәаҽанызаара инаҭоит, ажәларқәа рыбжьара аҭынчрада ԥсыхәа шыҟам даҽа зныкгьы агәра инаргоит. | 83,113 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Уи Нугзар захьӡу зынӡа дқәыԥшӡоуп, аха аибашьышьа иҵан, аӷа диҿагылоуп. | 140,410 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Уи ацашьала, аӷьышьала, инызкыло ҳәа мчы ыҟаӡам, уҳәап, убасҟак гыгшәыг мчуп иамоу. | 117,889 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Абра аштаб аҿы сшыҟаз, ацхыраараз Тҟәарчалнтәи иаҳзааит ҩажәаҩык еиқәных иҟаз аибашьцәа. | 38,669 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Избан акәзар, поетк иаҳасабала данцәырҵ нахысгьы идыруан апоезиҵәҟьа ахьыҟоу аҵабыргхаҭеи, аиашеи, ацқьареи рҿы шакәу. | 12,974 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Бзыԥ аӡиас иахылҵуаз ашьҭыбжь иналаӡҩан, харантә иааҩуаз мелодиаҵас исзаанхеит иажәақәа. | 48,111 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Иԥсы ааивигеит Шьааб, нас ихы дҩахан, илаԥш егьырҭ анышәынҭрақәа ргәы иаақәишьит | 143,484 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Леон Исавр итәыла дуӡӡа ахадараҿы игылазгьы иаргьы ирылшоз зегь ҟарҵон, зҳәаақәа рыдкьысло иалагахьаз аҳазарқәа рыргәыбзыӷразы, аҳамҭақәа рышьҭуан, иара ус аилахәаахәҭрақәагьы рыбжьан. | 90,620 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аказақ иаанхаз рыбжаҩык ӷбала Ҟрымҟа ацара иаҿуп, рыбжаҩыкгьы Баҭым, Қырҭтәылан. | 54,878 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Уи ақшара згәы иҭоу ацә еиԥш ихәда хчаа ацәақәа еизырҽы, иблақәа рыцәгьаны, иҩызцәа ашәыр гәындақәа дырзыԥшуан. | 13,183 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Кәтол ақыҭан ҷыдала иаҳҳәозар, ирацәоуп иналукааша ажәабжьҳәаҩ Қарбеи Касланӡиа иҳәамҭоу. | 87,685 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Уи азы иаҭахуп абла-ҵар хараӡа акыр збо, ҩырада иаԥхьо абла-ҵар. | 49,538 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Схәыҷы маҷк изҳаит, снаихәаԥшын дзакәхо шықәсқәак анҵы, даҽаӡәы иҩызшәа, ишырҳәо еиԥш, хшыҩ хьшәашәала санаԥхьа, ианызыҩуаз сыззымхәыцқәаз ракәымкәа, зынӡаск даҽакала даасацәажәеит сысаби. | 99,786 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Уаҟа амаҭәа-ҩыҭәа ҳаӷбахь инаргарц иаахәаны инҳажьыз, ауха, ҳанықәҵышаз, катерла аӷбахь инаргеит, аха ҳаилаҳәарақәа руак ыҟаӡамызт, иҟазгьы ԥсахын. | 123,622 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ана-ара иаацәырҵны, инырԥырагылоз ахәы хыжәжәарқәа аанҵәан, зӡараҩахыс иҟәашӡа еидгылаз ашьхақәа иҩарҿаԥшит. | 28,536 |
|
glot500 | Wikipedia | abk_Cyrl | Лариса Забеҭ-иԥҳа Макачаа-ԥҳа (; , Абӷархықә ақыҭа, Гәдоуҭа араион) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, апублицист. | 129,625 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Иблақәа сус рылам, изымбаз-зымбеит, иҟасымҵаз-ҟасымҵеит, иԥаҵақәа инапы аарылишьын, дцәыҵагызмалӡа деиҭанрылаԥшит апартизан бырг. | 118,558 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аха, аамҭакала, ҩашьара ақәым уи иаԥиҵоз алирикатә ҳаҿсахьа аклассикатә еилыххара, агәылҭәаара. | 77,176 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Фиодор Иван иԥа ари иаҳагьы иааиҭахымхеит, аха мап мкыкәа, днеины днарыдгылеит. | 73,535 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ҳаракырак уқәгыланы уазыԥшуазар, Ковшовотәи абна хым ԥада иааугәаланаршәуеит зеиҳаҟам чамсҟәыл дуӡӡак. | 116,388 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Убарҭ аԥхын мшқәа убас ихьанҭаӡа имҩасуан, уск иаалгаанӡа даҽа уск рыҽналаргалон. | 118,578 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Сахьынхо ақыҭаҿы аҭыԥ аныҟамла, Ӡырхәатәи ашкол, уажә сахьыҟоу, ансыдыргала, сақәшаҳаҭхеит. | 97,224 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Афашист солдаҭцәа анҩаҵеибарҟьа, ажакьа еиқәаҵәа иотриад хыџьара рыҽшаны ақыҭа иаалалеит Ура! | 12,580 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Зынӡа сшәомызт сара шьҭа сыԥсыр ҳәа, адунеи зегь шьҭан иқьаԥҭаха. | 140,302 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Зны пытҟәыр ԥшқан игәылҵит, Ианазҳа ашәҭ ԥшӡа ахылҵит, Аблақәа ҭыԥхо. | 79,197 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Уаҳа цқьа еилкаамхеит абылтәыҭирҭантә арымарахь уқәҵәины амҩаду уа уангылар ҟамлозу иҟалозу. | 141,626 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Адамыр длак-ҩакуа, доуҳалагьы, маха-шьахалагьы анахьгьы дыҟамкәа, арахьгьы дыҟамкәа, дагьаԥшәымамкәа, дагьсасымкәа, иаб иашҭа, иҩны, игәара зыхьчо илаҵәҟьа дтәымшьаны еишуа, дыбжьажьо дахьыҟалаз, нацәақәкыла изхраитәуа аӡәгьы дыҟам. | 93,127 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Иаарласны иҭыԥ имԥсахыр дгәарҭар алшон, аџь ашьапы дахьчап ҳәа ахьигәахәуаз аҭыԥ ашҟа днеиҭаԥеит. | 6,088 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ҟазлаҭ иааркьаҿӡаны изеиҭеиҳәеит ауаҩы дызхыршьааз, уи аҵыхәала иашьагьы иаргьы брагьуа абна ишылалаз. | 32,817 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Манчеи Кьагәеи рхаҵара жәлар ргәыӷра иацуп, урҭ Аԥсны аламыс гәшԥыла ирыхьчауан. | 67,107 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Изиҭаху ииҭааит, даԥхьааит, изҩыз излаумкьыԥхьша акгьы иалаҟам ҳәа сгәы рҭынчны сцеит сысаби, исзымдырӡакәа анапы ҟьашь инаиҭаны. | 30,395 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Абри амҩа данықәыз аҽны, сеидру урҭ ракәзу, даҽакызу аҳ ихы зыршаҟәоз, аха уеизгьы уи дзызхәыцшаз иман. | 32,209 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Афашистцәа рымаҵ аура зҭаху аӡә дыҟоуп ҳәа сыҟам, изымҳәогьы ишәаны ирҳәом акәымзар | 108,185 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Урҭ дыргарц иаарызу, ахьа амҵаҿ дахьтәаз ахәыцра даҿын иара, макьана жәамш раҟара роуп иҵуа лара дааижь ҭеи, Нуца лҳәашьала, аҿа лылымсӡацт! | 87,593 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аха ҳара ҳҿы аԥхьаҩцәа хыԥхьаӡаралагьы иаҳа-иаҳа имаҷхоит, иаԥхьогьы ргьама даара илаҟәуп. | 73,279 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Уаҵәы убарҭ асаӡқәа рыҟаҵара салагап ҳәа сгәы ишҭаз ауп, абри азҵаара шцәыругаз, аҭауад, ухаҵкы. | 84,632 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аҽырӷәӷәара акәын иаарԥштәыз, убри аҟнытә дҟыжмыжуа лхы рыцҳалымтәит, дзықәшәаз ала уажәшьҭатәи лхымҩаԥгашьа акраҵанакуан. | 96,869 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ааи, дадхеит, арахь бзиарак рбондаз имаауази, аха иҽеиу акагьы шыҟам рдыруеит азоуп изымаауа, аҭык ҟаиҵеит Басиаҭ. | 132,274 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аӡәы ихала уаашәҩык еилеиҵоит, ирыбжьеиҵоит убас еиԥшгьы асал, иеицны агәашә аҟынӡагьы инеиӡом, иеигәыдҵо иааскьоит анышәгәал. | 54,005 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аҷкәын жәаха Аҟәа даныҟаз ара аколнхараҿы амашьына иақәтәоу иҷкәын иоуп дызҿу иазууазеи шысҳәоз, иаахәан исзааигеит, – иҳәоит Омахь, иаасмырхәаргьы ассир ҟсҵозаарын! | 109,793 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ҳашьҭра ҳхыланы ҳаауан, зны имацәысуан, ажәҩан бгон, ацәқәырԥақәа ҭыҵны ицон. | 132,476 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Иԥсы ӡаны ашә днылагылон еиԥш, наҟ ала иӷыӷуа лак иаԥхьа иааҭгылеит. | 43,021 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Исзааигәаз ауаа анысгәалашәо, ииасхьоу амшқәа сҿаԥхьа ииасны ианцо, изалшома снасыԥдан сара схы сыԥхьаӡо. | 82,376 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Дицны дааит уи арахь даҽа арныгкгьы, исыздыруам уи дгәашәымҭоу, дгәашәҭоу. | 56,969 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Гәадуралоуп сара сышузхәыцуа, гәадуралоуп уара сшуԥырҵуа, сгәырӷьаҵәа аԥша сырсуа санцо, атәыла ду сахысуа, са сҟалашам сааԥсаны. | 45,270 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Амеханик еиҳабы Иури Алықьса-иԥа аторпедатә катер сахьа змаз акы амаакыра иахырыҩрны, апалуба илықәижьит, аха аҵәгәыр архьанҭага атса иацраҳәаз ыҟаӡамызт. | 139,717 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ироуҳәар идыдмырҳауа, ироумҳәар амуа, аахҵәа унамҭо усгьы егьысгьы уи, аԥенџьыр аҟнытә санрыжьлазшәа амҩа, сҟәыбаса сышԥацеи! | 3,081 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Зхылԥарч зхаршьшьы сҿаԥхьа итәаз ҷкәынак сара сышҟа данаахьаԥш, сгәы ааилашәан, ихихразы снапы сҟьеит. | 1,811 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аԥсуа бызшәа ҳәаа змам абеиара, уи ажәытә-аҿатә, шеишықәсатәи ашьҭамҭа ахылара зҭаху дарбанзаалакь, дпоетума, дыпрозаикума, дбызшәадырҩума, дҭоурхҭҵааҩума, жәлар рҿаԥыц ажәа ҭызҵаауа ҵарауаҩума даԥхьалааит ҭабара зқәым аӡыхь иаҩызоу абри ашәҟәы. | 86,420 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ус-ус, иӷьеит, ибзиахеит, аха убринахыс игәасҭон, икәымпылӡа расацк иаҟараны убра ак шҭахаз. | 14,751 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ҳаԥсы ааиҭакны ҳаиҭанеидтәалон, аца зымкыз ахш еиԥш, ԥыҭҳа-ԥыҭҳа иҟаз аҭаҳмада игәалашәарақәа маҷ-маҷ еизиркәкәон, сара, ишыҟасҵац, ианҵо сишьҭан | 28,262 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Дбашамашоума, – рҳәоит иара итәқәакгьы, дахьтәоу жәларык инапы ианыԥшылоит, урҭ аӡәаӡәала арахь иааҩнашылоит, иҟаиҵоит зҵаара рацәа рҭакгьы. | 68,893 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Амҳара егьи азыбжаҿы амезан ҵкы зшәыз Хьыблеи лареи рхала иааныжьны, егьырҭ зегьы еишьҭала егьи аганахь иааиасны иааикәагылт. | 94,960 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ана-ара адырԥарақәа рымгәацәа иаакылшәшәаны абна иааҵалоз апартизанцәа, џьоукы аламаз ркуашәа ихышәҭ-ҵышәҭуа абаҩрҵәыра иалагон, даҽа џьоукых, ус ҵаҟатәи маҭәа-заҵә еибарҩны, уа ааигәа иҟаз аӡиахьы иҩуан. | 10,752 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Дук мырҵыкәа мҩанызасгьы дҳарҭеит уахьынаихәаԥшуаз уаҩы мӡандрак, рацәак даумкәа, ишьапқәа тәырӷаӷаӡа, их-ду дамаҟьаӡа, иԥаҵақәа хәымаа-жьымааӡа | 72,423 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ҳамшқәа рзы убри, ихәаҽны ирымаз амилаҭтә хдырра, амилаҭтә патриотизм, акаҭран ԥжәаны ихәыҵыҵуа адац еиԥш, ахы анцәырнага, ианҿыха, еиҭах ацыӡәӡәарах иадкыланы идыршәыр ҳәа ишәан, ԥсҭазара амазарц убас ақәԥара иалагеит егьиашаҵәҟьаны, џьара-џьара анационализм ашҟа ирцәиасқәеит. | 83,289 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Аха сгылоуп џьара анҵәамҭаҿ, сымш кьаҿуп, сыҵх ауцәоуп, зегь снаҭо, уаҳа снамҭо, сымҩа гәыӷрала инырҵәоуп. | 139,679 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Мамоу, аӡәгьы дысмацәҳаит, аӡәгьы ақәнамга сеимҳәеит, уара иууз ауп сгәы иалсыз! | 103,615 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ҳаргьы ҳрызцоит анемец-фашисттә мҵарсыҩцәа рҟнытә рхы иақәиҭхеижьҭеи ҩажәа шықәсхыҵра азгәазҭауа ареспубликақәа. | 125,170 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Ашарԥыеҵәа гылан, аҵаа бла хьшәашәақәа ҭшаша адгьыл иқәԥшуан, Қсас иԥшәма дмырҿыхаӡакәа, дшьапҵыркьакьо, ашә ныдҵаны абарҵа данаақәгылоз. | 76,350 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Абаскцәа Кавказнтәи уахь ицеит ҳәа ишәшьозар, ақырҭцәа еиҳа изларзааигәахари, дара рыхьӡҵәҟьа анкьа изыхьӡыз аԥсуаа ракәызҭгьы? | 32,923 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Иахьа, ишубо еиԥш, ақыҭақәагьы дара ртәала амҳа џьырра хәыҷқәа мҩаԥыргоит. | 5,717 |
|
glot500 | Huggingface | abk_Cyrl | Убри иабзоураны, аныҳәа аҽалархәразы иреиӷьу рҟнытә иреиӷьӡоу алаԥшхаақәа ахьаарышьҭуаз иаргьы далашәеит. | 90,207 |