text
stringlengths
23
4.28k
dataset
stringclasses
5 values
script
stringclasses
1 value
lang_script
stringclasses
1 value
Иҟәызгаӡа итәазу, ииасны ицозу аилкаара уадаҩын Басла.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Иласгәышьоуп ихы мыжда аԥсҭҳәеиԥш, иажәа ҟәазқәа иҵеиџь ҭацә иҭаԥсоуп.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ицәажәонаҵ аӡыс гылан, абгадугьы цон шьҭахьла, ус-ус, абна иаст хакәла, нас узцозаргь уцала!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ус, еибак-еибашьҭуа хаҵаки-ԥҳәыски, реимаа ашьхәа ҵырԥалақәа инырҭаԥало, ишынеиқәаҳара, рыжәҩақәа еибаркны, зышәқәа артыз амашьына ашьҭахь инҭалеит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Абри апарк иаҵәа, абанҭ аулица шшәырқәа, аҩны еихагылақәа, Лҟәа зегьгьы, иара ацәгьа-абзиа зегь реиҳа издыруа амшынгьы нарыдкыланы, уажәтәиала Лад итәуп
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Иҭабуп ҳәа азҳәа ауахәама, уи, анык леиԥш, уара уахьахьнархәуа!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Шьҭа избарҭоуп сҭанархоит, аха усгьы уахь сеихоит, мышкы шә-гәаҟрак сеимдырххоит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Зегьы ихыҳәҳәоит уажә Уарҳан, зегьы дрыҵаԥшуеит Уарҳан, аха изымҳашеи мышкы, нас дахьымӡои игәҭакы
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аабатәи ажәабатәи ашәышықәсқәа рзы Кавказ зегьы аҟны иаарылукаартә зымчхара ӷәӷәаны ҩадеи ладеи, мрагылареи мраҭашәареи зтәыла аҳәаақәа ҭбаахаз, зхоура-ҵоура еиҵыххаз Аԥсуа Ҳәынҭқарра убас изыҟаларызу ихьыԥшым Аԥсуа католикос дыҟамкәан?
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Амышьҭацәгьа, цәгьа мҩанызго рылоуп ԥсаатәгьы ауаагьы.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Иахьуҭахыз узгеит, уаазгеит, иазхоуп, егьи, – сҳәан, иҳәара салагеит, аха ахәаԥшьгьы сықәимыргылт!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Блала уеимыздоит, зегь акоуп сгәазхара усызбаӡом.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Адықҳәа сгәы нкыдԥан, сахьаго сзымдырӡо, аҭаҳара саҿын, саҿын
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аԥамш ирхылҵша иԥыларц ицазаап, аԥамш рызҿиҭын.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Есымшатәи ацәажәарақәа раан, ҩыџьа, хҩык ракәзаргьы аԥсуаа ахьааидгыло, ақыҭа уаа асҟаҩык ирацәаҩны ақалақьқәа рахь нхара иахьцаз иақәыӡбо дубап, ақыҭақәа уааԥсырала иахьӷархаз гәалас, хьаас измоу дубап.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Убри аамҭазы аԥҳәыс шьаҵатәы шьҭыбжьқәа гауазшәа иаҳаит акоридорахьтә.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Убри Арқәала ацара шԥасҭахыз, Динара санылышьҭуазгьы, аха иара ҳацәшәар аҵкысгьы, ҳан ҳлыцәшәеит
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Икьасо игылоу алагьанқәа, ирныкьасо ибжьадырӡыз ршьоуп.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Имҭак иԥҳәыс илзынижьырц, исааҭ имыӷхны ишлиҭоз, иамраӡакәа дшыргаз
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ианиҳәаҵәҟьа игәеиҭеит далахаларц ииҭахыз имардуан шыгарыгаҽаз.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Зхы аҟара пату сықәызҵоз Хьудар иҳәатәы хасымҵеит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Иузҳәазҭгьы абарҭ ажәақәа, издыруадаз лаџьал иахурԥаргьы.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Иажәеинраалақәа ирцәаҩаӡам зцәа иҭашьшьы иҟоу, зҭыԥ изахымсуа, ишьханԥсылахьоу атема, иҿиауа изызҳауа, аамҭеикәшара иалоу ауп уи иажәеинраалақәа зызку, иахьа иҟоу уаҵәы ҟиам, иахьа узхьымӡаз уаҵәы ахьӡара уадаҩхоит, дасу ианраамҭоу, ианрықәнагоу рымҩаԥгара ауаҩы игәыхәтәы дахьнагӡоит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аӡәы Гәымсҭа абџьар кны ҳаҷкәынцәа дырҿагылан, егьи-азауад Сухумприбор аҟны аџьаԥҳаны ахьыҟарҵоз дыҟан.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Нас аԥшәма аԥхьа днагыланы ирзалху аҭыԥ ахь инеины иаатәоит, шәышԥаҟоу-сышԥаҟоу ҳәа дәыԥсшәак ааибырҳәоит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ашыр-шырҳәа, ахьхьа-хьхьаҳәа алента ҵыс-ҵысуеит, арахь арацәа агәгәа-гәгәаҳәа авагонқәа ирҭанаԥсоит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Еснагь аӡә иҳәара, иашьапкра, аиаша иԥхасшьоит са саӡәны.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аамсҭа, ухаҵкы, умҩа уԥсахроуп, мамзар ақәылаҩцәа рҭаԥшыхәцәа рнапы уаԥыхьашәар ҟалоит!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Араҟа аӡәгьы издырӡом, иахьа ашьыжь, аӡаӡа цәықәбарқәа ҿышәшәаны ианкаԥсоз, Анԥсы ақыҭаҿы иҟалаз арыцҳара атәы
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Знык хыхь ихаргалаз иханы, дызбахьада чынуаҩык игханы, дхьанҭахоит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Абла агәҵәҟьа ҭӷәыхааны шьацма шәкы ҭаԥсеит, ахьаагьы шамац иаман.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Иахьатәи аҭагылазаашьа злаҵару ала, абригьы угәы ԥнажәартә иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит даҽаӡәгьы.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Избан акәзар аҳҭынраҿы зегьы ыцәаанӡа дышьҭалаӡомызт.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ааи, абан лыҩны, инапы неирххан лынхарҭа сирбеит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аџьма ашьапы ахаҳә иахьԥнаҟаз аҟәада ахьшын.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аибашьраан ауп иаҳагьы ианныҟәатәу, уи узымдырӡои уара?!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Убасҟан иахьаа-иахьца умбаӡо инкыдӡыҭла ицахьан уи адәахьала, адәахьала!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ус иҟан иԥагьара, уи ҽхарззаларымызт, уи хышьҭыхран, хпатуқәҵаран, уи хацклаԥшран.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Инхьаҵуан арԥарцәа, аха бжеиҳараҩык ус, раҳәшьак, қәлак лаҳасабала даара пату лықәырҵон, бзиагьы дырбон.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Иҟамло акгьы ыҟам, мышкызны аӡә дҳашьҭалар ҟалоит, уи изымариахоит ҳабаҩқәа рыԥшаара, – сҳәеит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аҩызцәа ҳәа дызҿыз анҭ аҩыжәцәа ракәын.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аҵыхәтәан излеилкаахаз ала, Гәдиса Ланба иалиԥшааз апортфель шкәакәа ҵарҭыша ҳасабла атрест анапхгаҩцәақәак ирырҭараны иҟаз аԥара ҭазаарын.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Раԥхьа уажә даазхыҵыз Жьабнаа рҭаҭынрҭақәа, ашьҭахь змызгәыҭқәа аҿҿаҿҿа рылго Игаркаҟа дызгоз аӷба, нас иласкәантраӡа, аԥсҭазаара аԥшаҳәахьы дыӡхызгаз аӷба, аҵыхәтәаны акаска еиқәаҵәақәа, акаска еиқәаҵәақәа
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ақырҭцәа рнапахьы инанагазар, иаарласны аиҭныԥсахлара ҟауҵар ауеит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ԥсыхәа амамзи адунеи, абри азаҵә арҭ ирыцымлар!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Иҟаиҵара изымдыруа, игәи-игәи еилаԥшуа дышгылаз, иаб имашьына Жигули иашҭа аҵыхәан ишгылаз ибеит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Еиҳаракгьы аԥсҭыр ракәын зхы иазырхәоз, аамҭала ихьамҵыр ада ԥсыхәа анырмоулак, аҽыԥхьакраз уи абааш еиӷьыз ыҟамызт, аҭауад пытагьы аамҭала убраҟа иҽыԥхьеикырц абыржәы даҭааны дыҟан.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Издыруада бара бааигәара иҟам аурыс арԥыск, мамзаргьы ауриак лабҿаба биеиԥхыӡуазҭгьы?
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аԥсны ауп ҳәа зыхьӡыз еиԥшқәаз инеишьҭаргыланы ркьыԥхьра иалагеит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Жәҩан иаҿыҵшәо алабжышеиԥш дкаҭәахьеит, ҽаӡә инхарҭа аласкәыгәаҿ иркәыкәхьеит, иҽҳәа иҽҳәигаз рацәа хьшәашәоуп, ибылхьеит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Абжьааԥны акәзар аҟәаҿыҳәа асаара дауамыртәахуаз, аха уажәы марҭақк дасызшәагьы имԥхьаӡеит Салыбеи.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ииашоуп, дқәыԥшӡоуп, имшәхәы амихижьҭеи уамак ҵуам, аха уи иаанагом, ареволиуциа иадгылои иаӷацәоуи изеиҩымдыраауашәа.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Зыбз ахәыц еиҟәнаршәоз Ӡыкәыр, уажәы, иажәақәа ихаԥыц ибжьахеит, инапқәа ауцәахан, иахьигара издыруам, знапсыргәыҵа аҵыс антәалоу диҩызоуп-аа, уажәы-уажәшьҭан инасымҟәыҵԥрааны аҳауа ианбалалои ҳәа игәы ӡыӡо дыԥшуп
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Сбымҵагылоуп, сақәшәеит, сшьапқәа хырҟьаҟьа, амармалташь дашьма цырцыргьы ҵәырҵәыруеит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аинрал габаеви аҭауад Ниџьараӡеи инадыркны апапцәа жакьа қамсақәа рҟынӡа.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Хсыӷь ҟамҵаӡакәа уи ашә абжьы гон.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Изакәызаалак ҟыт-ԥсытбжьык гомызт, зегьы шьхынԥсылан акәын ишгылаз.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Алақәа ишьҭашуа рҿаархан, дахьыҟоу изымдыруа даақәхахт уажә, џьара лабакгьы икызар цәгьазма ахаҵа дахьныҟәо, тәамҩахә иоуран анимбо иахьакгьы.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Зыԥсадгьыл иара иаҟара бзиа избауа, аӡә дыҟамшәа ауп уи дышцәажәо
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Уи абаӷәазахьчаҩ адгьылбжьаха хәыҷы абааш ҳнахыкәшан, ҳааҳәны Испаниа ҳлавалеит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Урҭ гәаҟрас ишҳамаз, афранцыз архәҭакгьы ҳқыҭа иацәыхарамкәа иаадыргылт.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Иара ихаҭагьы убас амца ацраҵаны иҳәон, иара ихаҭа далахәызшәа уи ахҭыс, иблала ибазшәа, илымҳа иаҳазшәа.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Дычча-ччо аԥсшәа иҳәозар дысԥылан, убас дааигәан уи, убас дсашьан.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Истәыламшәа сналаԥшуеит тәылак, сналаӡуеит санааскьа дунеик.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Быццакцәаны бхы иабҭаз анасыԥдара шыбзыцәгьахо бдыруазааит иҳәан, дласԥырҵны дцеит!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Уи шаҳаҭра аздырӡом, ацәгьеи абзиеи еилнаргоит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Уи ҳара ҳтәы иазыбуазеи, аха бара, Цицина, ас бԥашашо араатәи арԥарацәа рыбла быхгыло бҿанаабха, аҟыт быхдырҵуам, иреиӷьу аӡәы баашьҭԥаан бигоит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Баб бзиа иибо аԥҳәыс ҳәа Ҟаимаҭхан лыхьӡ зныкымкәа изарҳәахьаз Есма, уи аԥҳәыс зылаԥш дыҵазмыршәоз Аминаҭ, уҳәан-сҳәан иазгәыҳәуа агәыла ҳәсақәа, дарбанзаалак, аӡәгьы илмаҳаит, дара, Абзагәи Ҟаимаҭхани ажәақәак еибыҳәатәыс ишрымоу, еиқәымшәар ԥсыхәа шыҟам, насгьы ианеиқәшәашеи иахьеиқәшәашеи анеибырҳәаз.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Лара дылбомызт азы, иара лаԥхьаҟа даалыдгылеит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ажәҩанаҿ аеҵәақәа инрылшәан, икәлаауа илҭалеит еҵәак.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Санатрели, иудыруаз, аԥсуа ԥҳәыс еснагь лажәа ажәоуп, илҳәаз дахьхәрангьы дыҟам.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Сара уахгьы ҽынгьы сшьаҵақәа сышьсхӡомызт асасцәа рааира сазԥшын.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ҳаԥхыӡ иаламшәацызт аԥсуа аус иуеит Аԥснытәи аобком аҟны ҳәа.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ҭемыр хылҟьа-ҿылҟьала излаиаҳаз ала, уаҵәы ашьыжь шаанӡа Мрагыларатәи афронт ахь иԥырраны иҟан аверто лиотқәа ҩба.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Адырды еиқәхаргьы адгьыл еиҟәшоит, Лашьцароуп, нас, иацу амра аҭашәамҭа.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Изакәызеи ушә-гәашә азыркызгьы, еилкаашьа амам уӡбахә ҳазҳәо иҳаиҳәо.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Иахьагьы, ҳәарас иаҭахузеи, ауаҩы ауаажәларратә усс иҟаиҵо ахә ҳаракны иршьоит, аха уи аҵкысгьы иеиҵамкәа ахшыҩзышьҭра рымоуп аморалтә-етикатә зҵаарақәа рыӡбара.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Беслан аниакәхагьы, ари ажәабжь иаҳахьан аха, уигьы даҽазны еиԥшымкәа уажә ӷәӷәалаӡа иааинырит, арҭ ҩныҵҟала еицәажәозшәа, иаргьы иаҳәшьцәа, аиҳарак Хьҵыс ашәырҭаҭа даалызхәыцит, ихгьы иашьцәагьы гәхьаас иааикит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Сҽысзеиқәкуамызт, ҳәарада ахарара ду сыдхаланы сахьыҟаз.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аӡә аказы дуазҵаауазар, иудыруазар, иҭ аҭак.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Дара ара иҟоуп, уахь ахысра заҭахузеи!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аеҵәақәа еилыџьџьаауеит, урҭ ҿыц иизшәа лбоит ажәеинраала ахаҿсахьа, уи иаанаго, ҳаибашьра хлымӡаах аҿы иҳацәҭахоз рцымхәра гылоит, ҳаԥсадгьыл аизҳара аԥеиԥшуп, уи аԥсадгьыл аԥсабарагьы ианыԥшит ҳәа акәхоит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аҽы ус баша ҳаиуанс иумшьан, Уахәаԥш, игәаҭ иара аҟазшьа, ишалоу удыруеит ауаҩы ишьа!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Чаҟәшәышә ацәарҭаӷәы днықәиан, амарҭак лхы ахьнықәылкыз дыцәеит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аха цәажәара зҭахыз уаҳа аӡәгьы дҟамлеит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ихы икәаршәны дыбжьажьо Амра лахь дынцәыҵыԥшит, ларгьы уи иҿыԥшылара иаҵанакуаз анеилылкаа арԥыс дицхрааит
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Уа дахьнеиз арҭ аԥстәқәа аҳ иахьибашаз ҳәаны, иара ашьшьыҳәа аҳҭынра дыҩхалт.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аха аӡәгьы ҳизхьаԥшуамызт ауаҩы, са сыблақәа рҿы аҟәрышь кылҵәа даԥсамызт, еилкаангьы исымамызт иара дзакәыз, сымҩаҿ дызсықәшәоз.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Мап сҳәеит сара, иаҭахым сара снапаҵаҩра.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аригьы уамаӡак лакәу шәа лырбаны дыжьжьатәуп, дыргәыбзыӷтәуп азнык азыҳәан.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ирхадыршҭит шьазаргьы ирыбжьаз, ианимыхәа, уи дҟарҵеит
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Дыццакуеит, ибоит изакә мҩоу иааины идгылоу.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Абӷьы иаҵәа ылзгахьаз ашәаԥыџьаԥ зегьы ирылыҷҷо, иԥшӡаӡа ишәҭны, ахкаарақәа рҿы иҭагылан атамақәеи аҳәасақәеи.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Гәалашәаран уи, дааиланаргьежьт, дымҩахнагеит, агәашә хәыҷ аатын.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Инашьҭарххы, ыҳ-сыҳ, – рҳәан, наҟ-ааҟынтә напы ӷәӷәақәак сааимларгәеит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Арахь Константин Абазг Леон иашьеиҳаб иакәын ҳәа Аԥсҳацәа рдиван иануп.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Шәцозар шәца, сара аус сымоуп, амала еиҭашәҳәа ара ус шсымоу, сшаанхаз, ҳәа реиҳәеит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Амшынгьы есааира, есааира ицқьахон, агәалақәа ахашҭын, аблақәа ччон.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Дида, дида, аҽы ашьхантәи ианылбаалакь, сақәтәаны сҭаацәа рахь смымцои, – лҳәеит аԥҳәыс.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Апап иибаз иԥшьеит ҳәа, уи еилажәжәа-еилаԥԥы иҩит ҳҳәоит ҳара, аха даҽа џьоукых бираҟс ишьҭырхуеит, Дырмит Гәлиа иимҩыз аброшиура еицаҟьа хыҵхырҭас, гәыхәтәыхьӡагас ишыҟарҵо еиԥш.
Huggingface
Cyrl
Cyrl