text
stringlengths
23
4.28k
dataset
stringclasses
5 values
script
stringclasses
1 value
lang_script
stringclasses
1 value
Игәы инҭиҳәааит аҵан раԥхьагыла Қьысқьынџь, рацәа ҳрыцҳахеит!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ахәшәқәа изеилалан, имч дырԥсыҽуан, иқәрагьы ӷәӷәала иныруан.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ишеибарӷьоз ахәрақәеи ахәреи, избарҭахт санадла шәа шәгәы.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа аибашьра иахҟьаны ашәҟәыҩҩцәа рҭагылазаашьа шымариамгьы ирылдыршахьоу зынӡа уаҩы иҟәнишьартә иҟам.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Имҩанылҵоон мшаҭарала, изықәшәаз даԥырнахуан илҟьооз аҳәа.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Лара днықәҵны, иҩнаҭа ашә аркны, даҽаӡәы диццар иаҳа изҵас бзиоузеи?!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ақырҭцәа ари рымбо иҟамызт, иаразнак рықәҿырҭит рҭыԥ иахымсырц.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Уара уӡӷаб, уи угәы иалымсын, Алиас, закәан иԥҳам, закәан хшарам!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аҭыԥ бзиақәа, аҭыԥш лаԥшыҵашәарҭақәа ари ақыҭан имаҷмызт.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Хәылбыҽхоуп, аилышәшәымҭаз, ҳашҭа амна агәашә сааҭалт ҳнарԥшны агәашә ҳирбеит
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ажәеинраала аперсонаж хада аԥсуа нхаҩы Гыд иԥсҭазаара рыцҳарыла акәын ишымҩаԥысуаз.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Излауасҳәарызеи, сыҷкәын, сара арҭ ажәақәа заҟа сеилыршьааз, сара сеиԥш, ҳарҭ наҟ-ааҟ еигәныҩыз Аԥсны-шҭақәа зегьы заҟа ихьааҳгаз, заҟа имцаха иҳацралаз!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ауриацәа, аерманцәа реиԥш, аҩыра еиқәырхагас, мал-мазара дуны иахәаԥшуеит, ахә ҳаракны иршьоит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ателграмма инашьҭархх, ҩымшҟагьы аамҵыцкәа, ихы аҵәы иахаргыланы ашә даалагылеит Кан.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Абзиабара амҵәыжәҩақәа анысхьыс, агыгшәыг рацәеи абна шоуреи шшәарҭам сара идырны исыман уи нахыс.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Абри аҽныҵәҟьа инақәыршәаны, наҟ Бзыԥын ижәыларан иҟазгьы Лӡаа ду иаԥну Амзара аҳаблаҿтәи абаахкыра ргарц рыдҵан
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Иауеи, Аԥсны алахьынҵа цәгьахеит убама, дад.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Уи иаразнакгьы иугәаланаршәоит иара апоет иԥа-заҵә данҭахазтәи амшқәа раан, уахи-ҽни иуалуашара, игәжәажәара инарҩыз ажәеинраала
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Иара асиужет рхы иархәаны ашәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы арҿиамҭақәа аԥырҵахьеит, еиуеиԥшым аҵарауаа наукала иҭырҵаахьеит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Сара сгәы хар амаӡам, аха уара ухы уакәиҭым сгәахәуеит!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ааи, изныкымкәа иҩны снеихьеит, ичеиџьыка сфахьеит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Уара ҳара ҳнапаҿы уҟоуп, уҿымҭра уахырҟьаны уаҳшьыр ҟалоит, еиҳа еиӷьӡами ҳазҵаарақәа рҭак ҟауҵалар?
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ари ахыԥша ааӡеит Аԥснынӡа, ахлымӡаах ҩналт аҳҭынра.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Жә-граммк анырҳәалак, агызмалцәа зыҟәну ԥышәырччак ихиҿы ааимнадон, аха уи асапыншәах еиԥш иаразнакгьы инықәба ицон.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Иаарласны акыр аешьаратә жәларқәа рбызшәақәа рахьгьы ишеиҭарго ала агәра ганы сыҟоуп.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Уи аулица ана-ара ирынтәалаз амузыкант-шәаҳәаҩцәа инрывсуаз џьоукы раԥхьа иҩырҳәны иқәыз рхылԥақәа ҿырпқәак нҭарԥсон, аха еиҳараӡак ирызгәамҭаӡакәа ирывсуан.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аха агәы аԥсы ҭазар, усҟан аблақәа ирымбозаргьы, алашә ҳәа узизҳәом, асас ииҳәаз игәы иахәеит евдемонгьы.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Хара хәыцроуп, пату еиқәҵароуп, уи лабашьоуп напынҵоуп
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Хатә џьабаала аԥсҭазааразы иқәԥо зегьы ԥшӡоуп, апоезиатә ажәала урҭ рзышәаҳәара иаԥсоуп абриоуп ажәеинраала хадаратә леитмотивс иамоу.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аԥхынраз акыр зҭиуа руаӡә доусыжьыр лҭахуп, – иҳәеит аб, лара агәарԥ лыԥссарц шьыжьыказ данаацәырҵ.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Иргәаладыршәарц рҭахымызт, убри аԥхьа, ашықәстәи раарыхра аихшьала аныҟаиҵа, араион аҟнытә иааны иҟаз ауаҩы дҩагылан
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Егьи ус дыҟам, уаҩ дыбӷеиҵом, Ихахь иҩеиуа рзын дҵагылоуп.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Адунеи иаламӡац иҟоузеи, ҿааиҭит Тагә, Кәыдырҭа зхы ҭаршьшьыз ацәаҟәа днахәаԥшын.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ҩажәа шықәса инҭакәкәа иахьцаз, ҩымҭа заҵәыкгьы сзаԥымҵакәа!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ԥаса жәаҩык рымч зқәымхоз уажәы аӡәгьы дазхоит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Жәытәнатә аахыс ажәларқәа реиҭанеиааира ыҟан, уи абызшәақәагьы ирныԥшуеит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Сгәы инҭысҳәааит сара, аԥырқьҳәа амцабз ҩасыхҟьаны.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Мап, амалаҳәа, амцагьы мцам, ухаҵоуп ԥсшьара Узцозар Шәача.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ҩымш рышьҭахь, ҩба-ҩба бӷьыц цәырыргеит, хәымш рышьҭахь хԥа-хԥа бӷьыц.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Иара уааҵәҟьа аҭак ҟаиҵеит арҳәцәа, акаҳԥцәа, амшынуаа!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Саанаԥшы-ааԥшит, ааигәа аӡәгьы сылаԥш дыҵамшәеит, аиԥхьбара аамҭа иақәшәан иҟан.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ажәеинраалаҿыы жәа мыцхәы ыҟамзароуп, зегь ирзышьҭыхша аидара иаҵазароуп, еилшәара рымамзароуп.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Таиф Аџьба атрадициатә ԥышәа аканонқәа акырӡа дырҭыҵит, ҭеиҭыԥшла наԥшыхақә, атрадициатә жәеинраала аформа, ашәага-зага иҽҭеигӡошәа шаабогьы азныказ, ҩныҵҟала алирикатә хаҿсахьа аструктура, ахаҭабзиара, аиҿыбаашьа даара ирҿыцит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Сан, сыԥсадгьыл Анышәнап гәыдкыл, Ҭоуба иасҭаз насыгӡоит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Абар, ашҟа сҭаху афатә араҟа иахькаԥсоу.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ргәы иахәап амацаразы акәым, салаҽырбарцгьы акәым, исҳәоит сара гәыкала, иажәа хиркәшеит даду.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ииашаҵәҟьаны еилаҳкаарц ҳҭахын, аибашьра ианалагоз сеиҵбы иҷкәын Иура иԥҳәыс лцәа лтәымкәа дыҟан, аха ҳшәон, иҟоу ҳаздыруамызт.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Саргьы зны-зынла сфотоаппарат еиқәыкшо аҭыԥ ссирқәа рҭыхра саҿын.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Агәырӷьа лаӷырӡи агәырҩа лаӷырӡи аҽҽаҳәа иааилаҭәеит Қсас игәаҿы, аҷкәынцәа дшынарԥырҵҵәҟьаз, ҳаргьы абас ҳаицын, еибаҳамҳәоз, ҳазламцәажәоз арбану, иҟаҳамҵоз, ҳазхьымӡоз акыр нхозма
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Иҟоуп иара убас аспециалистцәаҵәҟьа ракәымзар аԥхьаҩцәа инарҭбааны иахьа уажәраанӡа ирзымдыруаз аҩымҭақәа.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ицәар ҳәа ҳшәазшәа, уажәы-уажәы ҳнаҵхоит, ишеиқәыц амца ааибакуеит иххаӡа.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Амшын акалҭ зхы ылаҵаны ицәоу Аԥсны, кыкахшушәа ашьхақәа зырчо арҩашқәа, Амра иахьҵәуашәа алаӷырӡ зҿажжы ажәаҩн, Аԥсуа иқәра иашьашәалоу аџь-ҵла аицамкра уҳәа.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ноиабр хԥа рзгьы уааи лҳәеит, исзыҟалҵо сыздыруам.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Сара мшаҽны сшыҟаз еиԥш сыҟоуп иахьагьы.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Адунеи ду аҵакыра даара иҭбаауп, џьыка змаӡам аӡәы изыҳәан мыцхәы иҵаауп.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Амч амоуӡацызт ателехәаԥшра, ԥхыӡгьы избахьадаз, зыԥсы ҭоу ажәа ахәаҽра иашьҭоу аинтернет.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ақыҭеи ақалақьи реизыҟазаашьақәа аԥсуаа рыбзазареи асахьаркыратә литературеи рҿы иахьа адунеи иахьабалак атәылақәа зегьы рҿы аҭышәынтәалара аныҟам, уажәы-уажәы аилаҩ-еиласрақәа, ана, ара аиҿыхара ӷәӷәақәа анымҩаԥысуа, асоциалтә-политикатә еизыҟазаашьақәа аныгазҽазуа аамҭазы цқьа изызхәыцны, иӡбам ауаажәларратә зҵаарақәа арымӡаа ҟалеит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Иара абри аамҭа иақәыршәаны, Џьони роберти аҳәа шьны, ацәа ахыхны, ирыманы иааит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Иаахтны ҳагхақәа ҳазрыламцәажәозар, изааԥхьатәузеи аизара ду?
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Урҭ ҳцәыршьыр акәын зынӡа еицәоу арыцҳара дуӡӡаҵҟьа анҳзыҟалоз.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аха ҳара ҳҿы иахьа убри аҟара еиқәыланы иҟоуп, шәҟәыҩҩык иаԥҵамҭа аалкааны агха-ԥхақәа ааиҿыршәшәаны иуҳәар, са соума иубаз, сыҵкыс еицәақәоугьы маҷӡамеи ҳәа даауҿагыларгьы ауеит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Игәы зынӡагьы иааиԥсахын, абжьы ахьгоз акаруаҭ ашҟа дааццакит.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аԥсуа бызшәа иазкны аҭҵаарадырратә ус мҩаԥигон, аԥсуа қыҭақәа дрылаланы, абаҩхатәра змаз ажәабжьҳәацәа ԥшааны, афольклортә материалқәа еизигон.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Сгәы сынҭаҳәҳәан, адгьыл сырҿыхеит, ажәҩан сықәҳазшәа збеит ибганы.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Иуҭараҟара зҩа уоуааит, уара, аччиа ԥсхабаажә!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Уара зныкгьы уамкит амла, ахьҭагь уамкит, Хыгә иԥа.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аԥсаҵлақәа убасҟак аҩны иазааигәаны игылан, рымахәқәа аԥенџьыр иадкьыслон.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Арҵаҩцәа руадаҿы ҳаннеи сназлаԥшыз реиҳараҩӡак ҳәсақәан.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Жәааҩык ашәҟәыҩҩцәа ҳнапы аҵаҩны акьыԥхь ианаҳҵеит адырга ҿыцқәа алагалара, аԥсуа ҩыра даара иазеицәоуп ҳәа.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Лыгәҭыха наӡаны иалгазшәа, гәырӷьарак лысит уажәы.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Саӡқыҭ иҭабаргьы, зны Бзыԥҭа, ианыҵхәраа ҳара ҳаӡӡом, – рҳәон.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Заиарни Анатоли иҳәан еиԥш, ауаҩытәыҩса хы-хәҭакны дшоуп
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Саԥхьа ишьҭоуп, исзымдыруа иазызуа, ари саргьы иснаҭаӡом ахгарҭа.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Саргьы сыԥшәма Ҭамара дсыцын, иара убас абра иҟан Гәлиа, Хәарцкьиа.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Дареи сареи зынӡаск ҳаибаздырӡомызт, ҳархәҭақәа хаз-хазын.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Исыцныҟәоит, исыдгылоит, Уи сгәы ардууазеи шаҟа!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аӡәырҩы рзы ирҳәахьеит, анцәа иҳәозар, аԥсуа ажәа иазкны ҳаԥхьаҟагьы еиҭарҳәалашт, ауаҩы ажәа иҭынхоит ҳәа.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Урҭ роуп, – рҳәеит, хаала-мчыла ажәлар еиқәкшәа измоу, урҭ дрыцхраауеит Маан Титугьы ҳәа нацырҵеит
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Зегь акоуп, даазымгар зуам сара уи!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Уи идыруеит Аԥсны аԥсабара иага ибзиазаргьы, ауаҩы дымхандеикәа, иџьабаа адымҵакәа акагьы ахала ишыҟамло.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аиҳараӡак уи зцәыӡуа ахәыҷқәа, аҿар роуп.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ԥшьаала хәыцрақәак еицыло, угәы ахьырыжьжьо еиҭах, уԥсҭазаараҿ узышьцылоу зегь ахьубо ҿыцбарах.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ихандеиуаз иахьа ҽныла, ацәа иалан ихааӡа.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Адунеи ду сара исзыԥшума, Аамҭа иацәызгароуп аҿа.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Иаха Гәдиса иҿы ушыҟаз лаҳан, сара азауад аҿы сцаны дсымбакәа, аҩныҟа дааиӡом лҳәан, дыгәжәажәо ашҭа дықәуп уан.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Акы, лусура, ҩба, зыҩны аалхәаз аҭаҳмада Христофор.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Сара исцәымӷуп, иҟәызгаӡа џьарак иахьтәоу азыҳәан.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Исыдырҵақәоз ҟасҵон, ажәа рымаскуамызт, урҭ сара исзыриашом, баша амала схы ацәгьара асыргоит сҳәон, ҵаны, ҟәышраны иҟасҵаз, сықәра анааи, ашьшьыҳәа сналҵит акомҿарра, егьигьы салаломызт Виқтор Ҭахәыц-иԥа иакәмызҭгьы, иумыхәозар иуԥырхагам, саргьы уцхыраара иаҳа исзымариахоит аниҳәа, насгьы убасҟак ирласит, уаҩҵасгьы сақәшаҳаҭхаанӡа абилеҭ сџьыба иҭарҵахьан.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Уи саргьы дсеиԥшмызт, уи иӡбахәқәагьы умаҳацкәа уҟаларым, сара уажә ара узеиҭаҳәара салагом.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ажәа лнызҵаз ибзиабара дыхнахны, аромантикатә гәалаҟара шлымоу арԥыс дгәыдикыларц иҽыназикыр, зҭыԥҳара иазԥагьоу аԥҳәызба лхы хьмыӡӷылшьон
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Сыла ихгылан, сыцәа аҷаԥшьон уи абаҟа, зшьапы сқыҭауаа иркуаз, зсахьа-зыплан, зычаԥашьа зегь сгәаҵаҿы есааира ииуаз.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Мрагылара зегь ҳацгылоит, Уа шьыжьбзиа ҳәа еиқәҿыҭуа.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ааи гәышьа, дымцәажәар ӡәыр дишьуама, аԥшреи асахьеи рзы иуҭозеи, аӷлам, инаихәаԥшлакгьы дуаҩҟәышу џьырымшьои, аҵәы налеиҵеит Ӡаӷьала.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Мандараҟа сшааиуаз исԥылаз Валикәа Быҭәба иԥшәма ԥҳәыс Гәилчка исалҳәеит сҭаацәа Гәдоуҭаҟа иԥрырц иҟоуп ҳәа.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Изыргылаз аԥсҳа Баграт инахысгьы заҟаҩы ахылахьаз, иахыҵхьаз, убасала заҟаҩы аҩнаххьаз иара заҵәык акәын урҭ амаӡақәа риаша здыруаз.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Уара уаҟара иӷәӷәоугьы, уара уаҟара иуашәшәыроугьы адунеиаҿ акгьы шԥаҟам!
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Дада, саҳ, сааԥсеит сымҩа ркьаҿ аниҳәа, изхиҳәаа ажәабжь саҳә ҳәа ауп измааноу, – лҳәеит Селымхан.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Ари адгьыл-ааӡагагь са сыбӷоуп изқәу, ари еиԥш иагьа назгоит сара сааԥсаха.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Аԥшәма, есымшааира еиԥш иахьагьы, дгәырӷьаҵәа даҳԥылт.
Huggingface
Cyrl
Cyrl
Уи шықәса ҩажәа дырҭагылан Акрополь ақәцә дхаланы афашистцәа рбираҟ анкыдижәаз, ишәыршәыруа имилаҭтә бираҟ анахаиргылаз.
Huggingface
Cyrl
Cyrl